text
stringlengths 0
400
|
---|
Арахь дыӡҟуп, уажәоуп даниз. |
Ус сзумун, Кациҳабла сцаны аара мышкы аҭахуп |
Нара лҩызцәа рахь дыҩит. |
Амшә абаҟоу? |
Лыӡӷаб заҵәы лзы мши-ҵхи иргәылалҳәоз амыткәма, уажәы Ҳараз изыҳәан аҳәара далагеит. |
Итҟәаны ибгон? |
Иахьа Леселиӡе аагараны ҳаҟоуп, — иҳәеит. |
Сеиқәышлаҳәа сахьгылоу ԥааимбарҵас, срызхәыцуеит шәымҭқақәак рнашана. |
Итәаны ирымбаз дгыланы ихы дирбон ҳәа, акы ыҟаӡамкәа шәнапала аибашьра хацшәыркуама, шәанаџьалбеит! |
Нас ашәхымс дынхыҵит. |
Нас дабаҟоу уажәы Сеилаҳ? |
Уи ақалақь ахь дцеижьҭеи ԥыҭрак ааҵуан. |
Абраҟа Асҭамыр иоуит ахәра ӷәӷәа. |
Абыржәоуп ашьхақәа ианырхысуа уашәақәа рацәаны, ихааӡа. |
Ҳара ҳқыҭаҿы сынтәа ааԥынразтәи алаҵара акыргьы ишьақәырцалахьеит. |
Амра иақәым ҭашәара |
Аҭоурых хҭысқәа зырццакырц игәаҟуаз ақырҭуа ҿыц еилазаарақәа рҿагылара асовет республика аиҳабыра ацәшәон иахьцалак, избанзар ажәлар ҩышьҭырхыр аҳәынҭқарра хдырбгаларц рҽазыркуан, анапхгара рполитикатә ԥсҭазаара ҿаԥҵәон, даҽа шьақәгылазаашьак цәырҵуан, уи иахагылашаз ҿыц уаахон. |
Иҳаҩсхьоу амшқәа рахьтә акы ари асахьа еилыргыны иаанарԥшуеит. |
Шьаҳан урҭ уаҩы ишимбац ала дреигәырӷьеит, уажәы-уажәы дрывагьежьуа дрыхәаԥшуан, иҟаиҵара дақәшәомызт. |
Дыҟазар ииасхьоу |
Аҩгьы ҳаԥшаап, сара исымамзаргьы, сааиҿагылеит агәашә дҭамлартә. |
Ажәеинраала Амч дуӡӡа |
Исгәалашәт аҳаскьын еиҵәара ааԥын иагәыҵак ишаанагаз, уи аҳаҭыраз аҳаскьын ҟатара снапы нахьысшьит, абзиараз узбаз! |
Избан, нас, ҳазрабашьра, мап ацәызкыз аԥсҭазаара?! |
Иҿаҳәоуп! |
Шьасиа ааит аанрго лхы аарҵысны амедеҳәшьа дналыдтәалоит. |
Амшқәа рыԥштәы рхыгга иҟан. |
Аха исҭахым ас ҳнеивыслар ҳара уаҳа, уаҳа |
Ушԥаихәаԥшуа иахьа анхаҩы? |
Аҟәеи Уачамчыреи ҿыц аа-нызқьҩык инареиҳаны адесант ӡхыргеит. |
Абри аан ихадароу аҭыԥ ааннакылоит ахатәы бызшәеи аԥсуа ҭоурыхи рдырра, уи заҟа рыԥсы иахало аҟара рыԥсадгьылгьы агәбылра днаркуеит, рмилаҭ ԥеиԥшгьы иазнархәыцуа иҟанаҵоит. |
Аԥшәма дыҟамызт, аԥшәма апартиа далан, ақыҭсовет хантәаҩыс даман. |
Саҭамзааит, аха убра уҩеины урылаԥшны иубахьоума? |
Абра далгар, ҩыраки ҳасабраки иҵап, уи џьара инаихәап ҳәа ргәы иаанагон. |
Автобус уақәтәаны Ахьтәыҟәара аҿынӡа уцар акәын. |
Аусқәа мариамызт, џьанаҭҟа игамызт уи амҩа сызқәыз. |
Абар, дырҩегьх сааигәа бтәоуп, абар, дырҩегьх сашәа ҳәоуп. |
Аԥсра акәым, мап, аԥсра акәым игәынгатәу, аргама зыӡбахә цәырган иҳәатәу. |
Насҭхашәа иҳәуеит аидара злааргаз амахҽ бӷеимҿаԥа. |
Вика иаразнак ашә ныдҵаны ацаԥха нҭарҵәи-нҭарҵәины иалыркуеит. |
Зныкыршәа, акиҳәа ибжьы еиҭаиргахын, дахьынаҳәы-ааҳәуа умбаӡо, ишьапқәа улаԥш рхьымӡо, ихәаԥшуаз дырҿаԥшуа, дрыхәаччо, дԥырӡеит. |
Ибзианы исгәалашәоит, аҵх иалхәхәа ԥсаатәк аҿыҭыбжьы ааҩит. |
Ҿиҭит Алиас. |
Ишсашәҳәара, шәхаҵкы, араҟоума аныҳәа мҩаԥысраны иахьыҟоу? |
Убригь еилкаатәу, анализ ззутәу зҵаароуп, аха иахьа уажәраанӡагьы ус иҟоуп. |
Шьыта ихазшәа. |
Аиҽырбацәа аҭыԥҳа ԥшӡа рылымкаа дышсызҿлымҳазгьы рбахьан, иагьаасыҵашьыцхьан, уимоу уажәы-уажә ҳалаԥшқәа анааиқәшәалак, рлакыҵақәа хааӡамкәа снарҿаԥшуан, ҳара амаана здыруа ҳтәамызҭгьы, уԥхашьаԥхаҵара ахала аус ауазҭгьы умбарыз рҳәарашәа. |
Уажәраанӡа игәыбзыӷӡа иҟаз Мышәқьар иаразнак аҟазшьа ааԥсахит |
Ацабылрача, ахьшь, аӡыцәа, аԥшҳарыгә, ажәардәына, абаӷыр, нас аҵларкәыкә. |
Усҟан, аҳәажә еиԥш, абна улыҩрны Қырҭтәылаҟа удәықәлозар акәхап! |
Ҳҭоурых амдырроуп аҭоурыхтә ҩымҭақәа рмаҷӡара зыхҟьазгьы. |
Виктор Шкловски, Георги Мдивани, Мате Залкеи ррекомендациақәа рыла. |
Арагтәи ибомызт, аха идыруан, акатерқәа рбаӷәаза ааигәара аишәа хәыҷқәа ирхатәоу аҭаҳмадацәа ашахмат фигурақәа шықәдыргылахьоу, иҟалап, аахәмаррагьы иалагахьазар. |
Сыԥҳагьы дигот, саргьы сишьуеит, дисҭот абааԥсы, шәнеины шәиацәажәа, дысҟәышәх, аӡӷаб дышьны дышԥеифари, иаргьы даамсҭоуп, — иҳәеит. |
Лашарак имырбо, дҿаа-ҿаауа ахәыҷы дҭакны дрыман |
Арысҭоуара, Аԥшаҳәасҭара шынеибакугьы дахьазымдыруаз, дахьнанамгацыз, инапыхьараџь асаргәыҵаҵәҟьа иаҟарахашагь дгьылҽыҭкәамҟьарак узыԥшаарымызт. |
Ирылшагәышьозар акаԥаа, арота цҟьаны, ақалақь иалалар акәын, агаҿа иаваршәны, агарнизон иажәлоз ирыцхраарц. |
Сара исҭахуп ҳаицәажәара иацаҳҵарц, избоит иаргьы уи дшазыхиоу. |
Ашьхарахь авертолиотқәа халан алахысра иалагеит. |
Убри аҽныҵәҟьа ҵәымӷқәак ԥшааны, еикәаӷак ижәҩахыр инықәк икны, дцеит аҷкәын ацҳахь. |
Иара убри оуп абри ажәабжьгьы зхысҳәааз. |
Мышкы хынтә икәабон. |
Уеиха, скәатата, амш макьана акрыҟоуп |
Ацәаԥҽыгақәа |
Ан лыԥҳа лхыза ныԥхьалыршәҭын, длыцхрааны дҩалыргылеит. |
Уи агәаҭара алыҵшәа сара исыздыруам, агазеҭгьы џьара ианны исымбеит, иҟалап аредакциахь инеиз ашшыԥхьыӡ гәаӷшақә иҩызҭгьы. |
Диваргыланы дааигон Мадина. |
Насгьы иара иахь бызлаирхынҳәыша ажәақәак имҳәакәангьы дҟаларымызт. |
Иаҳзаарышьҭыз аргылара маҭәахәқәа рхаҭабзиара даараӡа исгәаԥхоит. |
Уи ҭауади-аамысҭацәеи хьыӡиртәуазу? |
Хәымса ихәра ҿыцны иҿеиҳәеит. |
Уигьы шыҟалаз убас акын. |
Андриа убас еиԥш иҟаз ахәыцрақәа гәаӷьны иахьцәыригаз мацара ихы еиҳа ҳаҭыр ақәиҵеит. |
Абжьааԥны игәы иахәашагьы иамыхәашагьы аниаҳауаз иаразнак аԥырқьҳәа амца зыцранаҵоз, иара уажәгьы бааԥсыла игәы еибафо дшыҟазгьы, акала инмырԥшкәа, иҽырҭынчшәа аӡырҩра даҿын. |
Қчачаа шәыжәла иагьнымҵәааит, иагьымҿиааит! |
Бзиала, ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аԥҳәыс бнышәынҭра, бзиала, Раԥсҭан хәыҷы. |
Итәоит аицтәара |
Бзыршәозеи, Шьарда! |
Ҩынтә еиқәырццакны ахысыбжьқәа гоит. |
Иааԥсаз иҽы еиҳагьы ирццакуан. |
Урыстәыла, жәаҳәара иазхиоуп иахәҭоу акапитал азоужьра. |
Иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы иахумган. |
Киев акәш Фастов иназааигәаны аибашьра ду ыҟоуп. |
Амала думыргәаар. |
Зегьы рҽырыԥсахуеит, зегьы-зегь ахаан ус иҟазшәа, иазыԥшуп Анцәа Иажәа! |
Уажәгьы ӡык ижәырц иаҵәца аашьҭыхны акрант шыҟоу иҿынеихон еиԥш, чхьырԥ-чхьырԥ ҳәа ишьҭаҳәазо иааиуаз ашьапышьҭыбжьқәа ааиаҳаит. |
Аҩныҟа сҽыжәлан сахьцоз схәыцуан ахьтәы џьар ахьтәы ҵӷа аҭаны иабасыԥшаари ҳәа. |
Еиликааит иара, иахьа уажәраанӡа аӡәгьы ихы иадимҵац, Саида иҟасҵоит ҳәа дшадымгылоз. |
Уара иуасымҳәар изасҳәода, сусқәа маҷк иҽеим. |
Аҭӡыбжьара дыбжьан, аординатор уада егьи аҵыхәан иҟан, убранӡа инеира мчымхаран. |
Уажәнатә илԥшнын. |
Узыргәамҵи, иҟалеи ҳәа, ахышәахьтә исыргеит сыбжьы. |
Аказакцәеи ачерқьесцәеи аиӷарара ахаҭыԥан, аиуара рыбжьалеит, еинаалан анхара иалагеит, убри аҟара еизааигәахеит ачерқьесцәа рцәашәҵатә маҭәа аказакцәа иргәаԥханы цәашәҵатәыс ишьҭырхит. |
Арҿиамҭа еихыкка-еиҵыкка аҵак ду змоу романуп, формалагьы оумашәа иԥшӡаны еибыҭоуп, аԥхьаҩгьы идырра еихазҳауа, илаԥшҳәаа зырҭбаауа, игәеилгара зырҵаруа ак акәны иҟоуп. |
Ус иҟазаргьы, аҩны аԥшаара иҽадимырхылеит. |
Даҭикәа, иаԥхьа иқәыз аџьыка еилатата, реиҳа иҟәашыз цыраԥшьыркцак аалихын, иҿы иааҭаиршәит. |
Амырҭаҭратә мифологиа ӷәӷәала ианыԥшит ажәытәӡатәи ауаа рдунеиқәыԥшылара аҷыдарақәа. |
Шәаб дандырӡ, ҳаҩны уаанӡа иахьеи уахеи иагмыз ҳҩызцәа, ҳҭынхацәа бжеиҳараҩык ҳацәхьаҵит. |
Иҟоуп, исгәалашәарцгьы исҭахыҵәҟьам, рҽхәаражәак уи шьҭа сгәы азцом. |
Ахьҭа-цәгьа, асыҭәҳәа, нас аԥшаҩа, алаӷырӡ, агәаҟра, нас агәырҩа,Иԥышәауа ҳнеиуан, ҳамч еизакын, аиааира ҳашьҭан, аиааира ҳҭахын. |