text
stringlengths 0
400
|
---|
Ԥаса рхыԥхьаӡара аӡәы дагхар, даапкуан, дхагахон, иҿы иааҭашәоз рықәиҳәацәон |
Уи уара иалудыраауеи? |
Аԥсуа ҭауади-аамсҭеи рыҷкәынцәа анхацәа ааӡатәыс ирырҭоит. |
Ҳаизыӡырҩып апоет |
Уара иарцәаны иузҭеиҵазар акәхап, уажәыгь акрыфара уаҿуп. |
Аԥсуа жәлар рҵаси ркультуреи реиқәырхара иазкны, абыргцәа реилазаара аинициативала, ааигәа Жәлар Реизараҿы иҟан адепутатцәа ргәыԥ аилатәара. |
Иабаҟоу сашьеи саҳәшьцәеи? |
Адгьыл сықәымшәеит арыц еиԥш, машәыршәа, ажәҩан салшәан. |
Апипиарҳәаҩцәагьы ак румҭақәа апипиарҳәара иаҟәыҵуамызт, хҩы-хҩыла еицарҳәо иныҟәон. |
Ус акәхозар, аурыс салдаҭ, анемеццәа ҳпартизанцәа абна иахьамаз аганахь игеит, уаҳа даҽа мҩак имамызт! |
Избоит, срахәыц-па иахьынҳалеит, аԥсқәа сахьцо изгарц рҭахуп. |
Аԥсаа ирҿысҵааз ашәоуп исҳәо, исаҳахьаназ уа мгәарҭа. |
Аԥхӡы каҭәо снеиуеит, иаасрыхуа сҽаҩра, ишеибакәу саҿуп уца аҭаԥсара. |
Анду лмаҭа даангылар цәгьа илбомызт, аха иҩызцәа раҳаҭыраз дрыццон. |
Иҭабгазшәа сыҟоуп сыцҳа, ишьоуп адгьыл, уи егьшьам |
Ааи, уан дукәхшоуп, — лҳәеит уи амажәа хшла ишыкәаҳамызгьы. |
Жәылароуп анырҳәа, иара иаԥхьа аӡә дцар ҳәа дшәон, иара иаԥхьа аӷа иҟынӡа аӡәы ихы наӡар ҳәа дшәон, иара иҭахын урҭ зегьы аӡәаӡәала иԥсы иаҵеиҵар |
Уара ҳауԥырхагам. |
Шьыжьымзи, индиатәи акиносахьа шцозгьы, акинотеатр Аԥсны акассақәа ауаа адибагәаланы иҟаӡамызт. |
Хаҵеи ԥҳәыси шаӷьуа срықәшәар, убасҟангьы сгәы нҭыԥсаахуеит. |
Уи асас пату иқәҵара иатәуп. |
Мышқәак рышьҭахь иӡбахоит ҳлахьынҵа ҳаанхоу, мапу. |
Уахьышьҭоу уҩамгылааит, ламысыс иумоу аҳа! |
Ашәҟәы ныркылеит. |
Ларгьы, лыбла хаақәа, иӡыҭхьаз лхаҿы аԥшӡара дмырӡырц, иагәылԥхаауан. |
Аԥсҳа идыруан ижәлар рыԥсырҭа ахьыҟаз, дахӡыӡон, иҵәахуан, уи илшон рлахьынҵа заанаҵ адырра, ашәарҭа рацәыхьчара. |
Бзиагь ҟамҵакәа, нас, уи ашьҭахь! |
Урҭ апатретқәа макьана иҟасымҵацт. |
Ирласны идырхиаз ачеиџьыка, ашьҭахь сасгьы ԥшәымагьы рнапқәа ӡык нархьыршаны аишәа инеицахатәеит. |
Ус иагьыҟан, аха Марҭа Аԥсныаҟа дышцаз, арҭ ԥхыӡ ирбаргьы ихарҵо ҳәа иҟамызт. |
Даагәынқьит Зафас. |
Сԥырсалын ацәқәырԥ иаҿыхоз, шьхақәцәак акырӡа сеиҳан. |
Уи зҭоу ргәы даҽаӡәы аҽиманадахьазааит аҭахызар, аха иара ахьҭац иҭоуп, аҩынԥҳәыс зегьы идылмырбо лмаҭәар ахәыҷы-мыҷқәа ахьыԥхьалкуа, зцаԥха лку ашәындыҟәра алымҳаҿеиԥш ргәаҵаҿы иԥхьакны иҭоуп. |
Дналагеит иажәабжь инеиқәҵа-неиқәырҭәо. |
Узхааным ахәроуп иухьаауа ӷәӷәа, ихәыз еиҳагьы уа иузҭо ааха. |
Урҭ рҿакәын даргьы ҽыҵәахырҭас иахьрымаз. |
Уи лкалҭ заҟа иауу аҟара, лыхшыҩ кьаҿуп. |
Гәыӷрак умам арҭ зегь рыла, ужәлар маҷхеит, еиҩшахеит. |
Дышцоз қьала еиқәылашьцак днадгылт. |
Амилаҭ ирчымазарахеит ари. |
Лымкаалагьы аизгақәа Аԥхын, Ажәеи еидыркыло алирикатә жәеинраалақәа рҿы аԥсҭазааразгьы, алитературазгьы ижәытәӡоу акыр зҵаара дуқәа ҿатәла, иҿатәу хәыцрала, лаԥшҳәаала, дунеихәаԥшышьала ирҵауланы иаарԥшуп. |
Иҟалазеи, уахык ала рызегьы неиқәынҵәа ишԥацеи, ҳәа аԥсра зыхьыз еиԥш инапқәа игәыҵаԥса дырхагыланы дышрыхәаԥшуаз иааигәалашәеит, ахәылбыҽха аҳақьым еҳәшьа Назира дхара-хаԥшуа, дцәырҟьа-цәырасуа алақәа рхәы ахьышьҭаз давысны дышцоз. |
Убри абӷа абаҩлаша ауп хәшәыс имоу уабхәа. |
Уаҟа акыр шықәса аус иухьан еиԥш, дҭалоит Ленинградтәи Азанааҭеидгылатә иреиҳаӡоу ашкол, аха аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз ашьҭахь иҵара даҽа занааҭк ахь ииаигаразы диасуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет ашҟа. |
Ианбанӡа, ҳаҩны анеилаҳалакь ашьҭахьу? |
Ари, ҳәарада, ахаҵара иацырҟьо, агәымшәара аазырԥшуа, насгьы ахы инаркны аҵыхәанӡа патриотизмла иҩычоу хаҭашьатә ҟазшьан. |
Малс адунеи аҿы иҟоу зегь иреиӷьу, ишәарҭам аҭынчроуп жәлар рзы. |
Ус, Жәыжәгьы дарыԥсхеит. |
Ааигәахәит иара игәы ԥшаауа, игәалаҟара бжьысыр иҭахымызт. |
Абриаҟара зысҳәо, Ермантәыла аҳәынҭқар иитҟәаз Аԥсҳа ҳаҭыр ду иқәҵаны иаҳҭынрахьы днеиԥхьеит. |
Рхәыҷқәа аԥсуаа реиԥшҵәҟьа ицқьаны аԥсшәа рҳәон. |
Даҽазныкгьы Ҳазшаз иԥишәома изныкымкәа ашьаӡа-гәаӡа згәыҵзыршахьоу, мацәазк атәарҭа-зтәарҭоу, аԥсуажәлар Анцәа иҳаҭәеишьаз адгьыл хәыҷы? |
Исҭахым, исҭахым, исҭахым! |
Аԥсуа Ҳәынҭқарра атерриториатә акзаара ашьақәырӷәӷәареи Аԥсны адунеи аҳәынҭқарра дуқәа ируаку Урыстәыла ахьазханаҵази роуп. |
Ӡара змам, хы зхагылоу |
Иахьа уназвысуа, уаҵәы инауҿагылоит уеиланарҳәынҷарц, уеилеикәадырҳәырц, дара ишырҭаху рнапқәа науларԥаҵны уоурмышьҭыртә еиԥш. |
Аамҭа раутәу? |
Рышьҭахьҟа ирхыкәшазгьы адырра роуит икылкааны ахысра азин шыҟалаз. |
Ахатәгәаԥхаратә ансамбыльқәа рымацара ракәым, аҳәынҭқарратә ансамбль арепертуаргьы иалагаланы ирҳәоит, лассы-лассы аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рыпрограммақәагьы ирыларҵоит, азыӡырҩцәагьы гәахәарыла ирыдыркылоит. |
Раԥхьа аӡӷаб даашьҭырхит. |
Амла ихыҵын, ахьҭа хәыцуам. |
Ишԥасҭаху уи дамоургьы дгылаҩ |
Сишьҭалап, аха иарбан мҩоу дызлацаз. |
Ҳаилаҳан ҳазцәылоз шьапхырҟьаҟьа, Зышьҭыбжь ҳгәаҵа иҭалоз иашәаны, Ҳазыԥшлап уажә ҳцәыҵатәан ҳлакҩакуа |
Ҵабыргыҵәҟьан уи доурысын, зны иабџьар кны ҳара иҳаибашьуаз солдаҭын, аха ихатәгәаԥхарала ҳара ҳахь диасит, аублаа ҭыԥҳа дааигеит, ҳбызшәа иҵеит, ҳқьабзқәа шьҭихит. |
Ус, акгьы дазымхәыцӡо, дааԥшуазар? |
Аԥсҳа Гьаргь идунеихаан иԥхыӡгьы иаламшәацызт Раԥхьатәи Аԥсҳа Леон иҿаԥхьа абас аҭакҟаҵара иқәшәоит ҳәа. |
Хы-жәлантәык зеиӷьаҭамыз рҭарнакцәа еицәажәон иахьа, аха дасу рхы мацара, рыжәла мацара, адәныҟа аҽраԥшра мацара акуӡан изызхуцуаз, дызусҭазаалак аӡәгьы ибарц иҭахымызт урҭ реиӷара, хама-хама реихара, џьоук ргу иахуоит ҳәа рхы ацәгьа ахәара, зҭагылазаашьа амалагьы ибааԥсыз аублаақуа раӡәыкра зынӡак ишаркуадоз. |
Дымҩашьартә ҳашҟа амҩа здырыз аимҵәаҩ дҳажәлоит, абар, джьышуа. |
Имариамзаргьы, схала илсхит сымҩа, сара ақаҷаагьы дысԥылеит, аҩсҭаагьы убас. |
Марҭа ара дахьынӡаҟазгьы, ихатә ԥҳак леиԥш, пату лықәҵаны дибон, ҳаԥсыр анышә ҳалҭоит ҳәа длықәгәырӷьон. |
Азамана, дааԥышәырччеит ларгьы, ара акаҳуа бзиа ны иҟарҵоит. |
Урызхымхит џьанаҭ абаҳча ԥшӡара, ашәахәа гәабзыӷқәа зныказ иуҿаԥхаз, ашәҭ лыԥшаахқәа, ифырџьану зӡара, унага иудырбаз абчараҳ итәарҭа. |
Ари иахьа хәлаанӡа ахаҳә шуеит, ишуеит, ишуеит. |
Цыгәба иааҿахиҵәеит. |
Лшьамхқәа дрызнымкыло, аҟәараҳәа деиҵасуан. |
Абгақәа раҵкыс, ишәарҭоуп абгалаџқәа, агәашәала иҭуцаргьы, ахҵысҭала иаауеит! |
Аишәа иахатәаз рхыԥхьаӡара иагхацыԥхьаӡа Кәаҵиеи Тытеи иаҳа ауаҩ илаԥш иҵашәон. |
Аҽырхәан иаагылт азҵааратә. |
Аибашьра ианалага дзалымҵыкәа ақырҭқәа дҭакны дрыман. |
Иарма напгьы аахәыҵиган, ачавра иикыз, игәы ԥшаазар акәхап, ашьыжьтәи аӡаӡа еиԥш ихаҟәҟәалоз илаӷырӡқәа ичаврала иааирыцқьеит. |
Ауха дгәаҟ-гәаҟуа, дшаҟьо аҩны даныҩназ, Саҭанеи Гәашьа дазхәыцит лычкәын хәыҷ ихьӡылҵарыз ахьӡ. |
Ҳара акәультуреи, анаукеи, аҵареи ҳрыгәҭылсаны ҳазлаҟоу ала, ҳнапы иануп урҭ рырҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵараазгәеиҭеит Алеко Гәарамиа. |
Узлоу урыҵахар укәаҳаны инаухысны ицоит |
Мап, усеиԥш ҳмеицәажәаӡеит, насгьы усс ииуа заалакгьы |
Усгьы иԥиҟеит, ихуеит, иҭиуеит, шьапык ԥуҟар уҭаркуа аҟынӡа, азакәан иахьчо, аа-ҵла. |
Зегьы ааихьоума? |
Аколнхара ахантәаҩи уареи хаха-хымш аҳәаҭра шәҭакны шәиман ҳәа иалацәажәоит, удинаныс ишҳауҳәара, ииашаҵәҟьоума уара уи? |
Иахьнырыз дгьылбхьахароуп, дгьыл иаҵәароуп, дгьыл ԥшӡароуп, рымҩаныфа цәырыргароуп, инатәароуп, акрырфароуп. |
Дауцәан, дкьаҿцәан, деиқәахын, зны дхышын, афыҩгьы ихышәшәахуан аџыш. |
Ус ҳаштәаз, аӡнырцәынтә аӷа гранатаршәгала иааишьҭыз аснариад каҳаит ашкол аԥхьа. |
Макьана уиламкьысын! |
Иара убас сара схаҿы исзаагомызт ашьхаруаа рҵас ала, амчра зегьы знапаҿы иҟаз ахаҵа, аԥҳәыс лҿаԥхьа ахыларҟәра злаилшоз. |
Ус ишыҟоу, чанрахь аамҭа неихьан еиԥш, еи, аԥшәма ԥҳәыс! |
Ацәгьеи абзиеи узеилмыргауа уҟалама? |
Абжьас иааиуазар схаҭарнакцәа. |
Гәындеи сареи агәашә аҟынӡа ҳааскьанагеит Барбос. |
Иузырхынҳәуам, уцәҳа, уаӷьы. |
Баашьҭкәыцәаан сымԥыруази, Ашьха ахыцәқәа ҳхымԥраауази, Арҩаш дуқәа ҳрыхәамԥшуази, Нас иаҳамҳәарыз иарбан! |
Ажәҵыс шкәакәа аҟазшьа даҽакуп, знык иаар ицаӡом ҳәагь рҳәоит |