text
stringlengths
0
400
Потоцки.
Схәыцра ахшара, схәыцра ԥсатәқәа
Данынаԥшы ибеит дызлацаз аладахьы даҽа мҩахәасҭак.
Уа иҳәала, иҳәала макьана, аҭла ԥсирири, ԥсиҟәана!
Ҳәара аҭахума, Кавказтәи аибашьразы аиашаҵәҟьа саншьа ииҩуа акәхоит, Марлински иеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа рромантикатә хыҭҳәаа акәым аха
Ақәра акәу џьушьоу ауаҩы дызражәуа?
Аха ашәа ҵыхәаԥҵәара аимоуӡеит , иахьнеиша инеиаанӡа, аџьныш уаҳа иламкәа дааԥсеит, дкарахеит, аха акгьы изҳәомызт, изхәыцыз иара иакәын.
Иахьа мшаԥуп, мшаԥы, мшаԥы, Уи бзиа избаҵәҟьо рацәаҩуп.
Ахашаҽны ашьыжь, асааҭ ааба рзы, Кастелианц Минсктәи аихамҩа авокзал аҟны дыҟан.
Уи Быхәлаҟа амҩа данықәлоз акәын.
Ахьыԥшаареи шәарыцареи еснагь еилазыгӡоз иара, иаҳагьы дыхиазар ами дцозар хараӡа, хара.
Дрывсны дцон еиԥш, дыззыԥшымыз ак ҟаланы амза аԥҭақәа рыбжьара иаацәырҵны адәы лашаӡа иааҟалеит.
Угәаҵа ардысуеит аԥша абжьы
Лҩнаҭа аҭынчшьа даацәшәон.
Иа Анцәа ду, зхьышьаргәыҵа сакәыхшоу, сумыҳәои, иаҵәца аақәхны, Амрагыларахь ихы рханы, ибжьы ҩаҳареикуан, улаԥш хаа ҳзырханы, зыԥсадгьыл иахҟьаны иҟоу ҳажәлари ҳареи иҳабжьоу амшын, ахьтәы цҳа рызхыланы, рыԥсадгьыл ахь иурхынҳәырц!
Зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәуан рҳәоит ажәытә уаа.
Урҭ ргәырӷьара ԥсы зхоу зегьы иддырҳауан.
Ахԥатәи длаҩеиуан, длаҩеиуан, дхәыцуан Анцәа.
Нан, ахсаала шықәсыкала абасҟак аҽаԥсахну?
Ажәала ишәҳәаз, шәҿы ианыҭшәа нахыс аԥша иагеит, аҳауа иалоуп
Шәарах ҳәа зуҳәази уареи шәеицәажәашьа еиԥкааны исаҳәеи!
Урҭ аԥхын мшқәа рзы лацәааихьшьык цқьа исзыҟамҵеит.
Уаха ҳасас иааиз ибзыцәашь хәарҭас имоу убри оуп, иҷкәын дыжәны, дтәанха дҟаҵаны, атәан ибзыцәашь дҳашҳатәараханы дахгылау инаган иқәҭәазар, убри хәарҭас иоуит.
Баша ирҳәоит акәымзар, ианузымгалакгьы иуадаҩын, ианугалакгьы.
Агранат ахы шнеиуаз итҟәацит иҭхаџьуаз рыгәҭаҵәҟьа.
Са сыҷкәынра цәқәырԥо имҩасит, ба быӡӷабрагь цәқәырԥо имҩасит, хьӡашьагь ҳамам, иҳацәцахьеит хара
Успенски ҷыдала бзиа ибон Пушкин илакәқәа, гәахәарыла урҭ иҳәон ҿырҳәала, дрыԥхьон Карамзин иҩымҭақәа, ибзианы идыруан Лермонтов иажәеинраалақәа.
Сыбла иаахгылеит Тиа ахәыҷра.
Бзиоуп, иара мап имкӡеит, даргьы аақәҵәины ицеит.
Изакәи уара, абри уара уаха ак уламӡаӡо?!
Абысҭа ҳуроуп ацәырцәмеиԥш.
Уи уаҩы гызмалуп, имырҳәа-мырза ашҭа дааҭаларц иӡбеит, хымԥада
Урҭ ашьхақәа рыхьӡ-рыԥша мызгәыҭҵас иргәылыҳәҳәо ахара ирбалап!
Ичҳатәуп, аҽырӷәӷәара аҭахуп.
Урҭ зегьы авторгьы ибзианы игәеиҭеит, ԥсихолог иаҳасабала рсахьа ҭихуеит ифырхаҵа игәаҵа дҭатәоушәаҵәҟьа, даҽакала иуҳәозар, аԥсуа ԥсҭазаараҿы ишыҟаз еиԥш.
Данаҟаи идыруан дызқәылаз ишуаацәгьақәаз, убри аҟнытә ҩызцәас ицқәаз ирыдиҵеит ирҳәынҷаз ахацәа зегьы еимданы ӡәыр абџьар имазар имырхырц.
Снеигәҭасын, снаскьоугароуп ҳәа даасырԥшит.
Бгәы ҭбаа иҭынчу, исымбацкәа, сытҟәа саман сыбла ҭшаша!
Абас абасоуп иҟалаз ҳәа иалҳәеит.
Иҩызцәа ари анраҳа, каамеҭк ҟалеит рҳәан, дасу рыҩнқәа рахь рԥсы ргеит.
Знапала уи зааӡаз дымҩаст, иԥхӡаша наҟ иалабеит адгьыл, игәы иқәиаахьеит ашьац.
Аха уи азы ақәԥара аҭахуп.
Рлакҭа ԥшӡақәа шәырҭаԥшхьоума?
Ишԥа, нас?
Амҩа макьаназ аӡәгьы даныршәламызт, икаххаа, ахаҵәирҭа аҟынӡа иаша уаныԥшылон.
Уи ашьҭахь иҵит ҩымз раҟара.
Агәашә данаадгыла, ала еиҳагьы аҽарыцәгьеит, аха лара лыбжьы гәаҩа, аӷьеҩ ҳәа ианақәлырга, иаразнак ашьҭахьҟа инеиҭаҟьеит.
Цқьа иузеилкаама, Сасруко иуасҳәаз?
Амҩа дызнугьы аӡхьамԥш аныршоуп, идунеи хәыҷ иҩниго зегьы ирхьыгӡоуп.
Лара данынаихәаԥш, аԥша иҿнаршәшәаны аҳәасашәҭқәа зымҵаԥсоу уи аҵла ашьапы еиԥш, ихы-иҿгьы лашарак нықәлеит.
Мап, уара умсааит, уаҳа сҵааӡом!
Иаагап даҽа жәеинраалак.
Абри аҿы даангылеит Тыҷыр.
Аха дарбанзаалакгьы, ԥсы зхоу уаҩы диԥыломызт.
Макьана имшым.
Ибгыӡыр лаба ӷәӷәала иҟьеит, лыхәда илықәиршшт, ашә данҟьеит.
Хәымса, Ростовҟа уаагоит уҳаццозар, аҵара уҳарҵоит, ууаҩаҳтәуеит.
Аҭырас иаҩызахеит ҳхылҵшьҭра, ирблыцԥхьаӡа иҭалоит рыԥсы.
Ақабла акьынтыжә зфо аҟәыҵраҳа, иаргьы ихәмгара изкажьуам, деилашәеит Ҭакәи.
Ауаҩы данхагахалакь акымзаракгьы дацәшәаӡом, амала уаанӡа хьаас имоу игәы иҭоу, усҟан цқьа изҳәом, убри ауп рыцҳарас иҟалаз.
Усҟан, ани уара укылызкааз аснаипер дрымшьӡацызт, суаҭәа ашшараҵәҟьа иаирбеит.
Аҩада иаазгаз ахшыҩзцара шаҳаҭра азыруеит абарҭ ажәеинраалақәа
Ана-ара ачаирҭақәа иаҵәаӡа анаарақәа иркыдиаалоуп.
Уи иқьышәқәа рбзо дааиуан.
Фелдышь адәықәлара иақәылкуан, аха дхьаҳәхьачон, маҷк днаскьаргьы, сналыхьӡаны лнапқәа ааныскылон, ларгьы мап лҳәомызт.
Араагьы убас ануп, ииашазар акәхап
Ҳазгарызеи?
Ихыртыз адгьыл идамацараха ишыҟазгьы, ҳаибаргәыбзыӷны Моҷа иансзицәаӷәа, аужәраҿы илаҳҵеит аҳабырзакь.
Раԥхьаӡа ҳқыҭахь, сыҩнаҭахьы бзиала шәаабеит!
Аха аҽы ҳамҭас изырҭо аҿы дҭаԥшӡом!
Уиашан ушгылаз, унаа-хәахәахеит, Азҳарҭа ҳәа сымҭа, абра сухәаҽуеит!
Ауаҩы ҿыц адгьыл данықәгылаша угәырӷьо уиԥылозароуп, иагьа уалаҟамзаргьы, угәы ухаршҭны.
Дарбан сгәы кылжәаны изго?
Кәуа абаҟоу, иаазаап Хьаԥарч, амаҭ ахьеизаз, убра иҭаннарҵәарц!
Ааи, ҳалагап, аха зназы аказы сҵаар сҭахын
Тҟәарчалынтәи адырра ҟарҵеит иаарласӡаны дрыманы инеирцы Алио Чачибаиа ихаҭыԥуаҩ Гиа Маисураӡе.
Уааи, сҩыза, ҳашьхақәа рычҳараз, ажәытәӡатәи аныҳәаҿа шьҭаҳхып.
Ҳазшаз иҳаиҭеит ҳамҭан
Аласба ахы ырнааны иҩлыҵаԥшын, аха, дагәамԥхазар акәхап, илыхәламччакәа, наҟ инаскьеит.
Наҳар, уи рацәак игәхьаа мкӡакәа, ашә ныдиҵеит наҟ ашыжәҳәа, игәамырԥхаӡакәа.
Ани даниба, анхаҩы абӷьаа ҳәа днеин ани уаанӡа аҩсҭаа иикыз арыԥхь абатҭра иҭаханы иҟамзи, днеин ашьшьыҳәа иааҭиган, адә ду аҿы днеит.
Шьрынбеи иоуп иара амаҵура изҭаз, — иҳәеит.
Урҭ, еилкаауп, иҭалаз шракәу.
Амҩа, абжа узнысыз.
Аха абарҭ рхәыҷқәа еиқәаҵәа, еиқәаҵәаӡа иҟалеит.
Лыхнашҭа ари иҷыдоу аҵакы змоу аҭыԥ амилаҭтә культуреи атрадициақәеи иузаҟәымҭхо ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аҭакԥхықәра ацуп, ҳәа иазгәалҭеит Аида Хонелиа.
Убри ахшыҩҵак ухаҿы иааиуеит абарҭ ацәаҳәақәа уанрыԥхьо
Амаҷ азыҳәангьы инеиқәгәамҵуан, убри аҟынӡа инанагеит иахьа мацара иназлаԥшыз
Ашәҟәы анҵара здыруа аерманцәа ҳауп.
Ҳусқәа блит аублаақәа, уи ауп измааноу!
Сзинқәагьы сымышәх шәнеилаланы уаха, адиуан деиҭанықәтәеит аб.
Адамыр, убасҟан ак соуҳәарц угәы иҭоукын, изакәызыз?
Ган ҩны маҵурҭак изгылан.
Сшаҿыхәоз жәбазар Ахра ашәа, хьӡык сышәымҭан ицәгьоушәа снапхы.
Насгьы, алирика атема зынӡак иаарԥшым ҳазҳәом.
Асҭанда Аԥҭа диԥхьеит, асураҿы абысҭа уны изҭаз ачуан амца иақәигарц.
Урҭ рҵара бжата иахҟьаны ажәлар ахынҭа-ҩынҭарақәа ирықәшәон.
Мчыла усны акәымкәа, акультура ала ассимилиациа рзура.
Атәымуаа иахьраҳауаз Ажәларқәа ныҳәазааит!
Аҳәынҭқаргьы дахызҳәаз, абри аҟарагьы ҟазҵарц згәы иҭоу ауаҩ дзеиԥшхарызеи, иагьа ддууп уи!