id
stringlengths
3
5
url
stringlengths
31
83
title
stringlengths
1
53
raw_mediawiki
stringlengths
62
67.1k
text
stringlengths
15
67k
33210
https://ab.wikipedia.org/wiki/Тонга
Тонга
{{Акарточка аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Тонга абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Тонга агерб |агимн= |агимн ирызку адаҟьа = Тонга агимн |амаҵураҭыԥ1=Акрал |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=5 }} '''Тонга''' ({{lang-to|Tonga}}), аофициалтә хьӡы: '''Тонга Акралра'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 293 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-to|Puleʻanga Fakatuʻi ʻo Tonga}}, {{lang-en|Kingdom of Tonga}}) — [[Океаниа]]ҿы [[Аокеан ҭынч]] [[адгьылбжьахатә тәыла]] ауп. Ари атәыла 171-к адгьылбжьахақәа рыла ишьақәгылоуп. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Тонга| ]] [[Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Амонархиақәа]]
Тонга (), аофициалтә хьӡы: Тонга Акралра (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч адгьылбжьахатә тәыла ауп. Ари атәыла 171-к адгьылбжьахақәа рыла ишьақәгылоуп. Азгәаҭақәа Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Акатегориа:Амонархиақәа
33206
https://ab.wikipedia.org/wiki/Самоа
Самоа
{{Акарточка аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Самоа абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Самоа агерб |агимн= |агимн ирызку адаҟьа = Самоа агимн |амаҵураҭыԥ1=О ле Ао О ле Мало |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=5 }} '''Самоа''' ({{lang-sm|Sāmoa}}, {{lang-en|Samoa}}), аофициалтә хьӡы: '''Ихьыԥшым аҳәынҭқарра Самоа'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 281 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-sm|Malo Saʻoloto Tutoʻatasi o Sāmoa}}, {{lang-en|Independent State of Samoa}}) — [[Океаниа]]ҿы [[Аокеан ҭынч]] [[Полинезиа]]тәи [[адгьылбжьахатә тәыла]] ауп. [[1997]] шықәса рҟынӡа ари атәыла ахьӡан '''Мраҭашәаратәи Самоа''' ({{lang-sm|Sāmoa i Sisifo}}, {{lang-en|Western Samoa}}). Самоа ҩ-адгьылбжьаха хадак ([[Саваии]], [[Уполу]]) ҩ-адгьылбжьахахәыҷк ([[Маноно]], [[Аполима]]), даҿа ҭыԥқәак уаҩ дахьықәнымхо адгьылбжьахақәа рыла ишьақәгылоуп. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Самоа| ]] [[Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]]
Самоа (, ), аофициалтә хьӡы: Ихьыԥшым аҳәынҭқарра Самоа (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч Полинезиатәи адгьылбжьахатә тәыла ауп. 1997 шықәса рҟынӡа ари атәыла ахьӡан Мраҭашәаратәи Самоа (, ). Самоа ҩ-адгьылбжьаха хадак (Саваии, Уполу) ҩ-адгьылбжьахахәыҷк (Маноно, Аполима), даҿа ҭыԥқәак уаҩ дахьықәнымхо адгьылбжьахақәа рыла ишьақәгылоуп. Азгәаҭақәа Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа
33221
https://ab.wikipedia.org/wiki/Порошенко_(аҵакырацәара)
Порошенко (аҵакырацәара)
{{Аҵакырацәа|Порошенко}} * [[Порошенко]] * [[Порошенко, Пиотр Алексеи-иԥа]]
Порошенко Порошенко, Пиотр Алексеи-иԥа
33222
https://ab.wikipedia.org/wiki/Трамп_(аҵакырацәара)
Трамп (аҵакырацәара)
{{Аҵакырацәа|Трамп}} * [[Трамп, Джон]] * [[Трамп, Дональд Џьон]] * [[Трамп, Ивана]] [[Акатегориа:Трампаа]]
Трамп, Джон Трамп, Дональд Џьон Трамп, Ивана Акатегориа:Трампаа
33217
https://ab.wikipedia.org/wiki/Океаниа
Океаниа
[[Афаил:Oceania_(orthographic_projection).svg|мини|Океаниа]] '''Океаниа''' — адгьылҭҵаара-культуратә регион [[адгьылхылҵ]] еиԥш ԥыҭрак [[Адгьыл]] хәҭақәа рҿы ианҵоу ауп. Океаниа [[Австралазиа|Австралазиәи]] [[Меланезиа|Меланезиеи]] [[Микронезиа|Микронезиеи]] [[Полинезиа|Полинезиеи]] рыла ишьақәгылоуп. ==Атәылақәа== * {{AUS}} * {{VUT}} * {{NZL}} * {{KIR}} * {{MHL}} * {{FSM}} * {{NRU}} * {{PLW}} * {{PNG}} * {{WSM}} * {{SLB}} * {{TON}} * {{TUV}} * {{FJI}} [[Акатегориа:Океаниа| ]] [[Акатегориа:Аконтинентқәа]]
Океаниа — адгьылҭҵаара-культуратә регион адгьылхылҵ еиԥш ԥыҭрак Адгьыл хәҭақәа рҿы ианҵоу ауп. Океаниа Австралазиәи Меланезиеи Микронезиеи Полинезиеи рыла ишьақәгылоуп. Атәылақәа Акатегориа:Аконтинентқәа
33215
https://ab.wikipedia.org/wiki/Фиџьи
Фиџьи
{{Акарточка аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Фиџьи абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Фиџьи агерб |агимн=Fiji National Anthem.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Фиџьи агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=5 }} '''Фиџьи''' ({{lang-fj|Viti}}, {{lang-hif|फ़िजी}}, {{lang-en|Fiji}}), аофициалтә хьӡы: '''Фиџьи Ареспублика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 297 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-fj|Matanitu Tugalala o Viti}}, {{lang-hif|फ़िजी गणराज्य ''(Фиџьии Ганарааџьиа)''}}, {{lang-en|Republic of Fiji}}) — [[Океаниа]]ҿы [[Аокеан ҭынч]] [[Меланезиа]]тәи [[адгьылбжьахатә тәыла]] ауп. Ари атәыла 330-к адгьылбжьахақәа инареиҳаны ишьақәгылоуп. 87 % Фиџьи ауааԥсыра ҩ-адгьылбжьаха хадак аҿы ([[Вити-Леву]], [[Вануа-Леву]]) рынхоит. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Фиџьи| ]] [[Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]]
Фиџьи (, , ), аофициалтә хьӡы: Фиџьи Ареспублика (, , ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч Меланезиатәи адгьылбжьахатә тәыла ауп. Ари атәыла 330-к адгьылбжьахақәа инареиҳаны ишьақәгылоуп. 87 % Фиџьи ауааԥсыра ҩ-адгьылбжьаха хадак аҿы (Вити-Леву, Вануа-Леву) рынхоит. Азгәаҭақәа Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа
33212
https://ab.wikipedia.org/wiki/Тувалу
Тувалу
{{Акарточка аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Тувалу абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Тувалу агерб |агимн=Tuvalu mo te Atua.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Тувалу агимн |амаҵураҭыԥ1=Акрал |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=6 }} '''Тувалу''' ({{lang-en|Tuvalu}})<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 294 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> — [[Океаниа]]ҿы [[Аокеан ҭынч]] [[Полинезиа]]тәи [[адгьылбжьахатә тәыла]] ауп. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Тувалу| ]] [[Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Амонархиақәа]]
Тувалу () — Океаниаҿы Аокеан ҭынч Полинезиатәи адгьылбжьахатә тәыла ауп. Азгәаҭақәа Акатегориа:Австралиатәи Океаниатәи атәылақәа Акатегориа:Амонархиақәа
33455
https://ab.wikipedia.org/wiki/Жәларбжьаратәи_амузеиқәа_рымш
Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш
'''Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш''' ([[лаҵарамза 18]]) — амзар аҿы ицәырҵуеит [[1977]] шықәса рзы, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рсовет аԥшьгарала. 1978ш. рзы Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭо иалагеит 150 тәыла инареиҳаны. ХIХ ашә. 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аԥсны аҭоурых абзиабаҩцәа ирхәыцит ауааԥсыра ирылыргарц аекспонатқәа еиҿыркаарц азы Аҟәа амузеи. Рыцҳарас иҟалаз, ари аԥшьгара иаԥырхагахоит излагаз 1877-1878 шш. аибашьра. Уи ашьҭахь амузеи азҵаара ықәдыргылоит аентузиастцәа ргәыԥ 1913 шықәса рзы. Еиҿкаахоит аколлекциақәа реизгара нап азыркыз Ахеилак, ҩ-уаҭахк рҿы иҩназ еизыргаз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара 610 рҟынӡа инаӡон. Аофициалла амузеи аартра мҩаԥган лаҵарамза 17, 1917 шықәса рзы. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә музеи иахьа ареконструкциа ҿыц азуны аусура иаҿуп. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Картинная галерея Абхазского Государственного музея: путеводитель; М-во Культуры Абхазкой АССР. - Сухуми: 1982. - 12 с. * Пачулия Л. В здании Абгосмузея предстоит капитальный ремонт//РА. - 2009. - 10-11 фев., (№ 14). - С.1 [[Акатегориа:Лаҵарамза 18]]
Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш (лаҵарамза 18) — амзар аҿы ицәырҵуеит 1977 шықәса рзы, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рсовет аԥшьгарала. 1978ш. рзы Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭо иалагеит 150 тәыла инареиҳаны. ХIХ ашә. 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аԥсны аҭоурых абзиабаҩцәа ирхәыцит ауааԥсыра ирылыргарц аекспонатқәа еиҿыркаарц азы Аҟәа амузеи. Рыцҳарас иҟалаз, ари аԥшьгара иаԥырхагахоит излагаз 1877-1878 шш. аибашьра. Уи ашьҭахь амузеи азҵаара ықәдыргылоит аентузиастцәа ргәыԥ 1913 шықәса рзы. Еиҿкаахоит аколлекциақәа реизгара нап азыркыз Ахеилак, ҩ-уаҭахк рҿы иҩназ еизыргаз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара 610 рҟынӡа инаӡон. Аофициалла амузеи аартра мҩаԥган лаҵарамза 17, 1917 шықәса рзы. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә музеи иахьа ареконструкциа ҿыц азуны аусура иаҿуп. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Картинная галерея Абхазского Государственного музея: путеводитель; М-во Культуры Абхазкой АССР. - Сухуми: 1982. - 12 с. Пачулия Л. В здании Абгосмузея предстоит капитальный ремонт//РА. - 2009. - 10-11 фев., (№ 14). - С.1 Акатегориа:Лаҵарамза 18
33456
https://ab.wikipedia.org/wiki/Симон_Кананит
Симон Кананит
[[Афаил:Ribera-san simon.jpg|мини|<span style="color:grey;">Симон Кананит</span>]] '''Симон Кананит''' – [[Иаса Қьырса]] жәаҩаҩык иапостолцәа-ицнагаҩцәа дыруаӡәкын, ижәытәӡаз Аԥсны раԥхьа ақьырсианра алаирҵәон. Апостол Симон Абазгиа нхарҭаси анцәа имаҵура ҭыԥси иалихуеит аӡиас ԥсырӡха иблахкыгоу аиҩхааҿ аҳаԥ хәыҷы, иахьатәи ақалақь Афон Ҿыц акәша-мыкәша иҟоу. Иԥсҭазаара урычралеи анцәа иаматанеиралеи имҩаԥго ажәытә абазгааи аԥсилааи ирылаирҵәон иакыз Анцәазаҵәра, дырҿагылон амырҭаҭреи еиуеиԥшым анцәахәқәа рымҵахырхәареи. Симон Кананит ишьҭашәарыцон. Ақьырсианцәа рҭархаразы ианрышьҭаз Симон Кананит гәаҟрала дҭархан Римтәи алегионерцәаамырҭаҭцәа рнапала. Анаҩс, дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара иргылахоит Симон Кананит изкыз Афонҿыцтәи ауахәама. 2014 ш. рзы – Симон Кананит игәаларшәара амш Аԥсны иныҳәамшны, ихақәиҭрамшны иҟалеит. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Абхазия и в ней Новоафонский Симоно - Кананитский монастырь/Сост. А.Бекетов; ред. Т.Ю. Алексеева. - Сухум: «Дом печати», 2007. *Абхазия: христианские святыни Нового Афона: путеводитель/Авт. проекта Н. Милованова. - Сухум, 2003. [[Акатегориа:Ақьырсианра]] [[Акатегориа:Ацқьацәа]]
Симон Кананит – Иаса Қьырса жәаҩаҩык иапостолцәа-ицнагаҩцәа дыруаӡәкын, ижәытәӡаз Аԥсны раԥхьа ақьырсианра алаирҵәон. Апостол Симон Абазгиа нхарҭаси анцәа имаҵура ҭыԥси иалихуеит аӡиас ԥсырӡха иблахкыгоу аиҩхааҿ аҳаԥ хәыҷы, иахьатәи ақалақь Афон Ҿыц акәша-мыкәша иҟоу. Иԥсҭазаара урычралеи анцәа иаматанеиралеи имҩаԥго ажәытә абазгааи аԥсилааи ирылаирҵәон иакыз Анцәазаҵәра, дырҿагылон амырҭаҭреи еиуеиԥшым анцәахәқәа рымҵахырхәареи. Симон Кананит ишьҭашәарыцон. Ақьырсианцәа рҭархаразы ианрышьҭаз Симон Кананит гәаҟрала дҭархан Римтәи алегионерцәаамырҭаҭцәа рнапала. Анаҩс, дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара иргылахоит Симон Кананит изкыз Афонҿыцтәи ауахәама. 2014 ш. рзы – Симон Кананит игәаларшәара амш Аԥсны иныҳәамшны, ихақәиҭрамшны иҟалеит. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазия и в ней Новоафонский Симоно - Кананитский монастырь/Сост. А.Бекетов; ред. Т.Ю. Алексеева. - Сухум: «Дом печати», 2007. Абхазия: христианские святыни Нового Афона: путеводитель/Авт. проекта Н. Милованова. - Сухум, 2003. Акатегориа:Ақьырсианра Акатегориа:Ацқьацәа
33467
https://ab.wikipedia.org/wiki/Павлов,_Валентин_Сергеи-иԥа
Павлов, Валентин Сергеи-иԥа
{{Акарточка аполитик |ахьӡ=Валентин Сергеи-иԥа Павлов |амаҵура=[[СССР Аминистрцәа Реилазаара|СССР аԥыза-министр]] |инаркны={{date|14|1|}} |рҟынӡа={{date|28|8|1991}} |абираҟ=Flag_of_the_Soviet_Union.svg |агерб=Coat_of_arms_of_the_Soviet_Union_(1956–1991).svg |апрезидент=[[Горбачов, Михаил Сергеи-иԥа|Михаил Горбачов]] |аԥхьа иҟаз=''Аусбарҭа амаҵура''<br />[[Рыжков, Николаи Иван-иԥа|Николаи Рыжков]] — [[СССР аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы]] еиԥшь |аҭынха=[[Силаев, Иван Степан-иԥа|Иван Силаев]] – де-факто [[Силаев иеиҳабыра|КОУНХ]] ахантәаҩы |амаҵура2=[[СССР афинансқәа рминистр]] |инаркны2={{date|17|6|1989}} |рҟынӡа2={{date|14|1|1991}} |абираҟ2=Flag_of_the_Soviet_Union.svg |агерб2=Coat_of_arms_of_the_Soviet_Union_(1956–1991).svg |аишьҭагылашьа2=6 |апрезидент2=[[Горбачов, Михаил Сергеи-иԥа|Михаил Горбачов]] |аԥыза-министр2=[[Рыжков, Николаи Иван-иԥа|Николаи Рыжков]] |аԥхьа иҟаз2=[[Гостев, Борис Иван-иԥа|Борис Гостев]] |аҭынха2=[[Орлов, Владимир Ефим-иԥа|Владимир Орлов]] |амаҵура3=СССР ахәқәа рзы Аилак ахантәаҩы |инаркны3={{date|15|8|1986}} |рҟынӡа3={{date|7|6|1989}} |абираҟ3=Flag_of_the_Soviet_Union.svg |агерб3=Coat_of_arms_of_the_Soviet_Union_(1956–1991).svg |аишьҭагылашьа3=2 |аԥыза-министр3=[[Рыжков, Николаи Иван-иԥа|Николаи Рыжков]] |аԥхьа иҟаз3=[[Глушков, Николаи Тимофеи-иԥа|Николаи Глушков]] |аҭынха3=[[Сенчагов, Виачеслав Константин-иԥа|Виачеслав Сенчагов]] }} '''Валентин Сергеи-иԥа Павлов''' ({{lang-ru|Валентин Сергеевич Павлов}}; {{date|26|9|1937}} [[Москва]] – {{date|30|3|2003}} [[Москва]]) — [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|Асовет]] политикатә усуҩы, {{date|14|1|}} инаркны {{date|28|8|1991}} рҟынӡа СССР аԥыза-министр заҵә иҟан.<ref>{{Cite web |url=http://prohistory.ru/ru/people/46 |title=Павлов Валентин Сергеевич |access-date=2023-07-12 |archive-url=https://web.archive.org/web/20170425031112/http://prohistory.ru/ru/people/46|archive-date=2017-04-25|url-status=dead |publisher=История современной России |language=ru}} </ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Цәыббрамза 26 рзы ииз]] [[Акатегориа:1937 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 30 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:2003 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла аԥыза-министрцәа]] [[Акатегориа:ЦК КПСС алахәылацәа]] [[Акатегориа:Асовет политикцәа]] [[Акатегориа:КПСС алахәылацәа]]
Валентин Сергеи-иԥа Павлов (; Москва – Москва) — Асовет политикатә усуҩы, инаркны рҟынӡа СССР аԥыза-министр заҵә иҟан. Азгәаҭақәа Акатегориа:Цәыббрамза 26 рзы ииз Акатегориа:1937 шықәсазы ииз Акатегориа:Хәажәкырамза 30 рзы иԥсыз Акатегориа:2003 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла аԥыза-министрцәа Акатегориа:ЦК КПСС алахәылацәа Акатегориа:Асовет политикцәа Акатегориа:КПСС алахәылацәа
33553
https://ab.wikipedia.org/wiki/Флан
Флан
{| |[[%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AE.svg]] |[[%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AO.svg]] |- |[[%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AU.svg]] |[[%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AV.svg]] |} [[%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AV_with_horizontal_bar.svg]]
%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AE.svg%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AO.svg%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AU.svg%D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AV.svg %D0%90%D1%84%D0%B0%D0%B8%D0%BB:Latin_letter_AV_with_horizontal_bar.svg
33551
https://ab.wikipedia.org/wiki/100000
100000
{{Аҵакырацәара|{{PAGENAME}}|100 000 (аҵакырацəара)}} {| class="infobox" style="width: 20em;" |- ! colspan="2" style="text-align:center; font:10em verdana; background:#ccc;"| 100000 |- |} '''100000''' ('''шәнызқь'''), '''10<sup>5</sup>''' — [[Иԥсабаратәу ахыԥхьаӡара]]. {{Commons cat|100000 (number)}} ==Ахьарԥшқәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} {{Иԥсабаратәу ахыԥхьаӡарақәа}} [[Акатегориа:Иԥсабаратәу ахыԥхьаӡарақәа| 100000]]
100000 100000 (шәнызқь), 105 — Иԥсабаратәу ахыԥхьаӡара. Ахьарԥшқәа 100000
33707
https://ab.wikipedia.org/wiki/Иорданиа
Иорданиа
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Иорданиа абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Иорданиа агерб |агимн=National anthem of Jordan instrumental.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Иорданиа агимн |амаҵураҭыԥ1=Акрал |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=6}} '''Иорданиа''' ({{lang-ar|الأردن; Ель-ʾУрдун}}), аофициалтә хьӡы: '''Иорданиатәи Аҳашимиттә Кралра'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 247 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-ar|المملكة الأردنية الهاشمية; ель-Мамлака л-ʾУрдунниа л-Ҳаашимиа}}) — Аҩадамраҭашәара-[[азиа]]тәи атәыла [[Мрагылара Ааигәа]] арегион аҿы. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Иорданиа| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Амонархиақәа]] [[Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа]]
Иорданиа (), аофициалтә хьӡы: Иорданиатәи Аҳашимиттә Кралра () — Аҩадамраҭашәара-азиатәи атәыла Мрагылара Ааигәа арегион аҿы. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Амонархиақәа Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа
33705
https://ab.wikipedia.org/wiki/Индонезиа
Индонезиа
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Индонезиа абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Индонезиа агерб |агимн= |агимн ирызку адаҟьа = Индонезиа агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2= |амаҵурауаҩ2= |zoom1=2}} '''Индонезиа''' ({{lang-id|Indonesia}}), аофициалтә хьӡы: '''Индонезиа Ареспублика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 247 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-id|Republik Indonesia}}) — Аҩадамрагылара-[[азиа]]тәи [[адгьылбжьаха]]тә тәыла, 17000 адгьылбжьахак рзы иреиҳаны ишьақәгылоуп. Еиҳаӡоу хәҭақәа: [[Суматра]], [[Иава]], [[Сулавеси]], хәҭаҷла [[Борнео]]и [[Гвинеиа ҿыц]]и. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Индонезиа| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]]
Индонезиа (), аофициалтә хьӡы: Индонезиа Ареспублика () — Аҩадамрагылара-азиатәи адгьылбжьахатә тәыла, 17000 адгьылбжьахак рзы иреиҳаны ишьақәгылоуп. Еиҳаӡоу хәҭақәа: Суматра, Иава, Сулавеси, хәҭаҷла Борнеои Гвинеиа ҿыци. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа
33713
https://ab.wikipedia.org/wiki/Филиппин
Филиппин
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Филиппин абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Филиппин агерб |агимн=Philippine National Anthem, the Lupang Hinirang, Himno Nacional Filipino Unknown Artist.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Филиппин агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2= |амаҵурауаҩ2= |zoom1=4}} '''Филиппин''' ({{lang-fil|Pilipinas}}, {{lang-en|Philippines}}), аофициалтә хьӡы: '''Филиппин Ареспублика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 298 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-fil|Republika ng Pilipinas}}, {{lang-en|Republic of the Philippines}}) — Аҩадамрагылара-[[азиа]]тәи [[адгьылбжьаха]]тә тәыла, 7641 адгьылбжьахак рзы ишьақәгылоуп. Еиҳаӡоу х-хәҭак: [[Лусон]], [[Висаи адгьылбжьахақәа|Висаиас]], [[Минданао]]. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Филиппин| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]]
Филиппин (, ), аофициалтә хьӡы: Филиппин Ареспублика (, ) — Аҩадамрагылара-азиатәи адгьылбжьахатә тәыла, 7641 адгьылбжьахак рзы ишьақәгылоуп. Еиҳаӡоу х-хәҭак: Лусон, Висаиас, Минданао. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа
33719
https://ab.wikipedia.org/wiki/Чичба,_Алықьса_Чанҭа-иԥа
Чичба, Алықьса Чанҭа-иԥа
'''Алықьса Чанҭа-иԥа Чичба''' ({{date|25|5|1925}} — {{date|4|1|1996}}) — Аԥсны акомпозитор. Алықьса Чичба ирҿиара еиднакылоит еиуеиԥшым аамҭақәеи акультурақәеи. Аԥсуа музыкантцәа иара ирҿиамҭақәа рыла ирныруеит заҟа ижәытәӡатәиу дара рмилаҭтә традициақәа, рдоуҳатә беиарақәа. Аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы Алықьса Чичба даанхоит дпатриот дуны, еицырдыруа амузыка-уаажәларратә усзуҩны, композиторны, зҟазара ала аԥсуа профессионалтә музыка аҭоурых адаҟьа зырҭбааз. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Хашба М.М. Через тернии к звездам к 75-летию А.Ч. Чичба/Абх. ин-т гуманит. исследований им. Д.И. Гулиа Акад. наук Абхазии. Деятели науки и культуры Абхазии. - Сухум: 2001. - 36 с. *Впервые - Республиканский конкурс юных пианистов им.А. Чичба//РА. - 2009. - 26-27 мая, (№56). - С.5 [[Акатегориа:Лаҵарамза 25 рзы ииз]] [[Акатегориа:1925 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 4 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1996 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны акомпозиторцәа]] [[Акатегориа:Асовет композиторцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи акомпозиторцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны амузыкантцәа]]
Алықьса Чанҭа-иԥа Чичба ( — ) — Аԥсны акомпозитор. Алықьса Чичба ирҿиара еиднакылоит еиуеиԥшым аамҭақәеи акультурақәеи. Аԥсуа музыкантцәа иара ирҿиамҭақәа рыла ирныруеит заҟа ижәытәӡатәиу дара рмилаҭтә традициақәа, рдоуҳатә беиарақәа. Аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы Алықьса Чичба даанхоит дпатриот дуны, еицырдыруа амузыка-уаажәларратә усзуҩны, композиторны, зҟазара ала аԥсуа профессионалтә музыка аҭоурых адаҟьа зырҭбааз. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Хашба М.М. Через тернии к звездам к 75-летию А.Ч. Чичба/Абх. ин-т гуманит. исследований им. Д.И. Гулиа Акад. наук Абхазии. Деятели науки и культуры Абхазии. - Сухум: 2001. - 36 с. Впервые - Республиканский конкурс юных пианистов им.А. Чичба//РА. - 2009. - 26-27 мая, (№56). - С.5 Акатегориа:Лаҵарамза 25 рзы ииз Акатегориа:1925 шықәсазы ииз Акатегориа:Ажьырныҳәамза 4 рзы иԥсыз Акатегориа:1996 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны акомпозиторцәа Акатегориа:Асовет композиторцәа Акатегориа:Урыстәылатәи акомпозиторцәа Акатегориа:Аԥсны амузыкантцәа
33722
https://ab.wikipedia.org/wiki/Дырмит_Гәлиа_ихьӡ_зху_аԥсуаҭҵааратә_институт
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт
{{Акарточка амузеи | даҽа ахьӡ = Абхазский институт гуманитарных исследований им. Д. И. Гулиа Академии наук Абхазии | афото = 2014 Suchum, Abchaski Instytut Badań Humanistycznych (01).jpg | ишьаҭаркын = {{date|13|1|1925}} | атәыла = Аԥсны Аҳәынҭқарра | аҭыӡҭыԥ = [[Аҟәа]] | аофициалтә cаит = http://akademra.org/institutions/instituty-ana/abhazskij-institut-gumanitarnyh-issledovanij-im-d-i-gulia-abigi-ana/ }} '''Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт''' ({{lang-ru|Абхазский институт гуманитарных исследований им. Д. И. Гулиа Академии наук Абхазии (АбИГИ АНА)}}) — аԥсуа ҭҵаарадырратә центр; [[Аҟәа]] иҟоуп. Аԥсуа ҭҵаарадырра иазку аинститут аиҿкаара аидеиа хацыркын 20-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы; раԥхьаӡа акәны уи аӡбахә аартны ирҳәеит Аԥсуа ҭҵаарадырратә Уаажәларра [[Амшын Еиқәа|1924]] шықәса цәыббрамза аҩбатәи азбжазы имҩаԥыргаз Амшын еиқәа агаҿатәии Мраҭашәаратәи Кавкази атәылаҿацә аҭҵааҩцәа Реизара Ду аҿы. 1925 ш. жьырныҳәа 13 рзы Н. Лакоба ихантәарала имҩаԥысыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра аилатәараҿы еиқәшаҳаҭны иазхаҵаны ирыдыркылеит «Аԥсны акультуреи аекономикеи реизырҳаразы ара аҭҵаарадырратә институт аԥҵара хымԥада ишаҭаху» ҳәа ақәҵара. Аԥсуа ҭҵаарадырразы иразҟыӡбагахаз ари аизара иалахәын Д. И. Аланиа, З. Н. Бениа,А. М. Ҷоҷуа, Н. С. Патеиԥа, Веқслер, Ступак, Кудриашов, А. И. Чыкәбар, Г. П. Барач. А. А. Колоковски, Л. Л. Захаровски, Л. В. Карташев, С. П. Басариа, Кашкина, Мелиавицки, Р. И. Какәуба, В. И. Стражев, А. С. Меерович, Бердичевски, В. П. Малеев, Н. В. Риабов, Фармаковски. Иара убри аилатәараҿы Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра асовет ирыдҵан аинститут аиҿкаара иазкны иазырхиаз апроект Аԥсуа Центртә Нагӡаратә Комитети Асовет жәлар ркомитети рҿаԥхьа азҵаара ықәыргыланы, абри аус ахәаԥшразы ирыдыргаларц. Ирыдгалаз апроект аҿы ишарбаз ала, иаадыртраны иҟаз аинститут аҿы иазԥхьагәаҭан: ашьхара-геологиатә, адгьылтә (анышәтә), абиологиатә (уи иаҵанакуаз азоологиеи аботаникеи ацҵаны), иара убас агуманитартә (аҭоурых, археологиа, аетнографиа, абызшәадырра, афольклор уҳәа), агеографиатә, атехн. -ааглыхратә, абиблиографиатә, анозологиатә, асанитартә, амузеитә ҟәшақәа раартра. Аштат аҿы 20-ҩык аусзуҩцәа рҭыԥ азылхны шықәсыктәи абиуџьет 30 096 мааҭ азыԥҵәаны аҟаҵара. Аха Аԥсны аиҳабыра аԥара ахьрымамыз иахҟьаны ари апроект мап ацәыркыр акәхеит. Уи ацынхәрас академик Н. И. Марр иаԥшьгарадла иақәшаҳаҭхеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа аартра. Ари академиа аартра иазкны аԥшьгаратә гәыԥ реилатәара мҩаԥысит академик Н. И. Марр инапхгарала, 1925 ш. 11. 10. рзы. Уи иалахәын А. М. Ҷоҷуа, С. М. Ашәхәацаа, Н. С. Патеиԥа, С. И. Ҷанба, П. С. Шьаҟрыл, Ш. Е. Хокьерба, А. И. Чыкәбар. Урҭ иазгәарҭеит Академиа иаарласны аартра хымԥада ишаҭаху, иара убасгьы иазԥхьагәарҭеит уи анаҩстәи аусуратә план. 1926 ш. 26. 05. азы Аԥснытәи ССР Асовет Жәлартә комитет ишьақәнаргылеит «Аҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа» аԥҟара, уи аԥхықәра хадақәа ҳәаақәҵаны: «а) аԥсуа бызшәеи, насгьы уи инадҳәаланы аԥсуа жәлар рыбзазареи рҭоурыхтә культуреи ҭҵаарадыррала рыҭҵаара; аԥсуа хатә ажәеи аԥсуа милаҭтә литературеи атехникатә еиӷьтәра; в) Аԥсны аинтересқәа ирызкны аҭҵаарадырра-рккаратә усзура аганахьала иҟаҵоу ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи массала ауаа рыларҵәара уҳәа убас иҵегьы. Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭак аҳасабала, официалла аҭоурых хацыркуп аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа анаадыртыз инаркны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Академиа иалахәылаз аҵарауаа рхыԥхьаӡара 9-ҩык инадыркны 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит, аха аштат аҿы иҟаз 3-4-ҩык ракәын. Раԥхьатәи хантәаҩыс дыҟан А. М. Ҷоҷуа. Уи ишьҭахь – Д. И. Гәлиа, уи маӡаныҟәгаҩыс диман – П. С. Шьаҟрыл. Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа аусура мҩаԥнагон асеқциақәа рыла ишаны: атерминологиатә, аҭыжьырҭатә, аҟазареи амузыкатә фольклори. Аԥсуа ҭҵаарадырратә Уаажәларра аҽамаданы, Академиа ишьақәнаргылеит: [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|СССР]] Аҭҵаарадырратә академиа иатәу Азиатәи аинститут, аҳәаанырцәтәи акультуратә еимадарақәа алзыршоз Зегьеидгылоутәи ауаажәларра, Горсктәи атәылаҿацәҭҵааратә институт, Асахь. ҭҵаарадыррақәа ирызку Аҳәынҭқарратә академиа, Кавказтәи аҭоурых-археологиатә институт уҳәа СССР аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа рҿы аимадара бзиақәа. Иара убас аиҩызара рыбжьан Аԥсуа академиеи еицырдыруа аҵарауаа: апроф. Н. И. Марри, апроф. Н. Ф. Иаковлеви, Г. Шмидти, иара убас Москватәи Ацентртә жәларҭҵааратә музеи амаӡаныҟәгаҩи. Аԥсуа бызшәа академиа иҭнажьит: Н. И. Марр «Аурыс-аԥсуа жәар», Д. И. Гәлиа - «Аԥсуаа рҿы аџьма акульт» (Аԥсуа етнографиа иазкны), «Алитературеи абызшәадырреи рзы атерминологиа (аурыс-аԥсуа, аԥсуа – аурыс); К. В. Ковач - «101 аԥсуа ашәа», «Кәыдрытәи аԥсуаа рашәақәа»; иара убас иҭыжьын асахьаркыратә литература шәыҟәқәа жәпакы. 1930 ш. 28. 05. рзы Аԥснытәи Жәлартә ҵара акомитет иаднакылеит аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа ахьӡ аиҭеиҭакразы ақәҵара. Аинститут аштат аҿы аус руан 4-ҩык: адиректор (Г. Берзениа), адиректор ихаҭыԥуаҩ (Д. Гәлиа), иара убас ҩыџьа аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. 1931 ш. 5. 08. азы Аԥснытәи Ацентртә Нагӡаратә комитет апрезидиум иаднакылоит Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларреи Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институти реидҵаразы ақәҵара. Уи иахҵан Аԥснытәи аҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа. Еилазаашьала уи асеқторқәеи аҟәшақәеи рыла еиҟәшан. Аус руан х-сеқторк: 1) аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҟазареи; 2) ауаажәларратә- ҭоурыхтә; 3) аҭыԥантә ааглыхреи ақыҭатә нхамҩеи ҳәа 2-сеқциак змаз жәлартә нхамҩатә ҟәша. Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҟазареи рсеқтор 4-сеқциак рыла ишьақәгылан: а) абызшәадырра, аҭҵаарадырратәи апрактикатәи аграмматика, б) арҵагатә шәҟәқәа, в) асахьаркыратә литературеи жәлар рырҿиареи, г) аҟазареи. Ауаажәларратә-ҭоурыхтә сеқтор шьақәгылан: апартиа аҭоурыхи Аԥсны ареволиуциа аҭоурыхи, аетнографиеи, асоциалисттә культуреи абзазареи - уи аҩныҵҟа иҟан иара убас акультуратә револиуциеи, абзазара аԥсахреи, амцхаҵарақәа раҿагылареи ирызкыз асеқциақәагьы. Аинститут анапхгара азнауан адиреқторат: А. К. Ҳашба (адиректор), ҩыџьа ихаҭыԥуаҩцәа – В. И. Кәыкба, С. И. Ҷанба; асеқциа еиҳабцәас иаман: А. В. Фадеев (ауаажәларратә-ҭоурыхтә), Бибикови В. Г. Семионови (жәлартә нхамҩатә), А. А. Колоковски (аботаника), В. И. Кәыкба (абызшәеи алитературеи). Урҭ ашықәсқәа рзы аинститут аҿы ихацыркын «Аусумҭақәа» рҭыжьра. Уа ианылон аҵарауаа рколлективтә статиақәа реизгақәа реиԥш, хазы игоу авторцәа рмонографиатә усумҭақәагьы. Иара убас адәаҿы еизыргоз афольклортә-етнографиатә, ма алингвисттә материалқәа; инеизакны уи аамҭа иалагӡаны иҭыжьын 34 том, убарҭ зегь рҟынтә Аҩбатәи Адунеитә еибашьра ду ҟалаанӡа – 20. 1935 ш. азы Аԥснытәи аҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт академик Н. И. Марр ихьӡ ахҵан. Аинститут ахьӡгьы ԥсахны Аԥсуа культура аинститут ҳәа ахьӡҵаны СССР Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иалаҵан. 1938-1948 ш. ш. рзы аинститут диреқторс дыҟан А. М. Ҷоҷуа. 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызыбжазы аинститут харҭәаахеит аҵарауаа ҿыцқәа рыла: К. С. Шьаҟрыл, А. А. Олонецки, Б. П. Џьанашьиа, И. Г. Анҭелава, Хә. С. Бӷажәба, Гь. А. Ӡиӡариа. Сталини Бериеи раамҭақәа рзы массала имҩапысуаз арепрессиақәа, арӡрақәа аинститут ӷәӷәала ааха арҭеит. Аԥснытәи аинтеллигенциеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи аӡәырҩы реиԥш, харада ахара рыдҵаны, русқәа еиқәырҽаҽаны идырӡит аинститут аҿы аус зуаз аԥсуа ҵарауаа: А. К. Ҳашба. В. И. Кәыкба, С. М. Ашәхаҵаа, В. М. Маан, З. Р. Агрба. Даҽа гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа арепрессиақәа ирцәынхеит Аԥснынтәи ибналаны ацара ахьрылшаз иабзоураны. Акьыԥхь аҿы урҭ зегьы «жәлар раӷацәа» ҳәа рыхьӡ ҳәаны ирықәыӡбон. Аҭҵарадырра иазкыз ихатәраз ҳәа ишьаз аҭыжьымҭақәа рыҿгьы иуԥылар алшон уи аамҭа еиқәаҵәа азы иҟазшьарбагаз абас еиԥш иҟаз ақәыӡбарақәа: «. . Уажәы иаҿаԥырҽыз жәлар раӷацәа, Аԥсуа акультура аинститути, Жәлартә ҵара акомитети, Аԥснытәи асовет шәҟәыҩҩцәа реидгылеи рҿы итәаз абуржуазтә милаҭеилыхҩцәа, агәазыҳәаратә нырра ду узҭо, ибеиаӡоу ақырҭуа культура дуӡӡа иацәхьаҵны, аганахь игылаз… избанзар урҭ имаҭ шҳамыз ргәы-ԥсы зегьы ала ақырҭуа жәлар рцәымӷын. Қырҭтәыла аҟәыҭхазаара, Қырҭтәылеи Аԥсни рџьажәлар ирыбжьоу сталинтәи аиашьаратә еиҩызара аԥырхагахара, Аԥсны инхо ақырҭуа џьажәлар зегь рыла рыларҟәра - абас акәын ишыҟаз урҭ имҩаԥыргоз атеррористтә, аконтрреволиуциатә, арӷьа-троцкисттә политика. Асабрадақәа рхаҵаны, асоветтә мчра бзиа ирбошәа рҽыҟаҵаны, урҭ Аԥсны акыраамҭа рыцәгьаусқәа ирҿын, асоциалистә ргылара системала ааха аҭо. Избан арҭ агәымхашьацәа, абуржуазтә милаҭеилыхҩцәа Қырҭтәыла абриаҟара изырцәымӷхаз? Избанзар урҭ амҵақьақьаҩцәа зегьы - лакобақәеи агрбақәеи Қырҭтәылатәи аџьажәлар мацара ракәӡам изаӷоу, урҭ Аԥсны аџьажәларгьы ираӷоуп. Урҭ ахәымгақәа, ихагахаз ауаа мишәанқәа, аԥсахҩы ламысдақәа – афашисттә, иара убас егьырҭ аҳәаанырцәтәи аԥшыхәыҩцәа рагентцәа роуп. Урҭ аханатәгьы асовет мчра ианымшәо иаӷацәан, асоциализм иаӷацәоуп, Ленини – Сталини рпартиа Ду иаӷацәоуп». Аха иара убри аамҭазы акьыԥхь рбеит аԥсуаҭҵаара иазкны акрызҵазкуа аусумҭақәа: Н. И. Марр «Аԥсуаа рбызшәеи рҭоурыхи иазкны», А. В. Фадеев «Аԥсны аҭоурых иазкны икьаҿу аочерк», Гь. А. Ӡиӡариа «ХХ ашәышықәса актәи азыбжазы Аԥсны азы ақәԥара». 1939 шықәсазы аинститут дырҩегьых ахьӡ ԥсахны Н. И Марр ихьӡ зху абызшәеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа ахьӡҵан. 1941 шықәсазы, [[Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика|Қырҭтәылатәи ССР]] Аҭҵаарадырратә академиа анаԥҵаха ашьҭахь, уи асистема иалаҵан. 1930-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы аинститут аҿы аԥсуаҭҵааратә тематика еиҳа-еиҳа еиҵало иалагеит: уи хымԥада ақырҭуа ҭоурыхҭҵаареи акультуреи ашьаҭала иахәаԥшуан, аԥсуа бызшәа афункциақәа еиҳа-еиҳа имаҷхон; иҭыҵуаз аусумҭақәа рҿы аԥсуа авторцәа рхыԥхьаӡара еиҵалон; аԥсышәала иҩу астатиақәа зынӡасгьы ианыломызт; дара аизгақәа ртитултә даҟьақәа рҿы қырҭшәалеи урысшәалеи мацара ианырҵон. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ианалага нахыс ари атенденциа еиҳа-еиҳа аҽарыӷәӷәо иалагеит, уи ус иҟан 1950-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызыбжанӡа. Аинститут диреқторцәас урҭ ашықәсқәа рзы иҟан: В. А. Ивардава, П. К. Ратиани, П. Г. Гәыџьабиӡе. 1945 шықәсазы аинститут аилазаашьатә структура аҟнытә иалхын аботаникатә сеқциа, Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан ихазу аҭҵаарадырратә усҳәарҭа. 1950 шықәсазы Аԥсуа институт даҽа зныкгьы ахьӡ ԥсахны, «Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт» ҳәа ахьӡҵан. Аамҭакала, 1950 шықәсазы «абызшәатә дискуссиақәа» ирыбзоураны имҩаԥгаз аӡбарақәеи, иара убасгьы И. Марр илингвисттә ҵара иазыруаз акритикеи инарымаданы аинститут ихьӡ ахырхит; 1954-1955 ш. ш. аинститут Д. И. Гәлиа ихьӡ ахырҵоит, анаҩс 5 шықәса хьӡыда иҟан. 1960 шықәсазы Д. И. Гәлиа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аинститут еиҭа ихьӡ ахырҵеит. «Аԥсасира» аамҭазы СССР иҟалаз аполитикатә еиҭакрақәа, хымԥада аинститут аусура акыр иазеиӷьхеит: аҽарҭбаауа иалагеит аԥсуаҭҵааратә тематика, Москвеи, Ленингради, Қарҭи аҭҵаарадырратә центрқәа рҿы аспирантура иалгаз аҭыԥантәи аспециалистцәа рыла иазҳаит аинститут акадртә еилазаашьа; игәоуҭартә еиԥш иазҳаит аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа рхыԥхьаӡара. Еиԥҟьарада, исистематәны иҟалеит археологиатәи афольклортә-етнографиатәи аеқспедициақәа. Арҭ ашықәсқәа рзы аинститут аҿы аус руан аҟәшақәа хԥа: абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи аетнографиеи, аекономикеи. Аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит 14-ҩык рҟынтәи 31-ҩык рҟынӡа. Урҭ реиҳараҩык аҭыԥантәи ҵарауаан. Аинститут аҿы аԥышәа ду змаз аспециалистцәа инарывагыланы қәҿиарала аус руан аҵарауаа қәыԥшцәагьы; афилологиа аганахьала: Х. С. Бӷажәба, К. С. Шьаҟрыл, Б. П. Џьанашьиа, Б. В. Шьынқәба, М. М. Цколиа, Е. П. Шаҟрылԥҳа, Шь,Ҟ. Арсҭаа, Л. П. Ҷкадуа, В. Х. Конџьариаԥҳа; аҭоурыхҭҵаара аганахьала: И. А. Аџьынџьал, А. А. Оленецки, Л. Н. Соловиов, Г. А. Ӡиӡариа, Шь. Д. Инал-иԥа, И. Г. Анҭелава, М. М. Ҭраԥшь, А. А. Аԥшьлаа, З. В. Анчабаӡе, А. Ф. Хонелиа, Л. Х. Акаба, Ц. Н. Бжьаниа, А. Е. Кәыпраа, М. М. Гәынба,. Арҭ ашықәсқәа рзы аинститут директорс дыҟан Х. С. Бӷажәба (1953-1966). 1960-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны акыр еиӷьхоит аинститут аматериалтә-техникатә база, еиҳахоит акадрқәа рхыԥхьаӡара, иаадыртуеит аҟәша ҿыцқәа. Аинститут аҿы аус руан аҟәшақәа фба – абызшәа; алитературеи афольклори; аҭоурыхтә; археологиатә; аетнографиеи аҟазареи; аекономикатәи; урҭ рҿы аҭҵаара ус рнапы алакын 60-ҩык инареиҳаны аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. 1960-1980-тәи ашықәсқәа раан аинститут аколлектив маҷ-маҷ ихаҭәаауеит атәыла еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә центрқәа рҿы аспирантурақәа ирылганы адиссертациақәа зыхьчаз, здырра ҳараку аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рыла. Алингвистцәа: Т. Х. Ҳалбад, Н. В. Аршԥҳа, А. Д. Хьециа, Е. Қь. Кьылԥҳа, В. Е. Кәарҷиа, С. М. Наҷҟьебиа, В. М. Бганба, Л. Р. Ҳагба; афольклористцәа: Шь. Хь. Салаҟаиа, С. Л. Зыхәба, А. А. Аншба, Р. А. Ҳашԥҳа, В. Б. Агрба; алитератураҭҵааҩцәа: Л. Д. Чаҵәба, Н. П. Лакоба, В. В. Дарсалиа, В. Л. Ҵнариа, М. Т. Лашәриа, И. И. Кәыҵниа, Р. Хә. Қапба; аҭоурыхҭҵааҩцәа: Б. Е. Саӷариа, Л. М. Прицкер, Гь. А. Амҷба, Г. П. Лежава, С. З. Лакоба, Д. Ч. Нодиа; археологцәа: Гь. К. Шамба, Иу. Н. Воронов, О. Хә. Бӷажәба, Л. Г. Хрушкова, И. И. Ҵнариа, С. М. Шамба; аетнографцәа: Р. К. Ҷанба, Е. М. Малиаԥҳа, Г. Г. Ҭарџьманиԥа, Иу. Гә. Аргәын, П. К. Кәыҵниа, В. Л. Бигәаа, М. С. Ҭҳаицыҟә; амузыкаҭҵааҩцәа: И. М. Ҳашԥҳаи М. М. Ҳашԥҳаи; аҟазараҭҵааҩы Б. М. Аџьынџьал, адин ҭҵааҩы Г. В. Смыр; аекономикаҭҵааҩцәа: Б. Ш. Ашәба, Н. Е. Бушина, Р. М. Лагәлаа, А. М. Амқәаб, А. Р. Гәлиа уҳәа егьырҭгьы. Аԥсуа институти атәыла ацентртә, иара убас арегионалтә академиатә институтқәеи (Н. Н. Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнографиатә Институт, М. Горки ихьӡ зху адунеитә литература Аинститут, археологиатә Институт, СССР аҭоурых Аинститут, аибашьратә ҭоурых Аинститут, аҭоурыхтә Институт, И. А. Џьавахьишьвили ихьӡ зху аҭоурыхи, археологиеи, аетногарфиеи Ринститут) атәылаҿы Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи (М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет, Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет уҳәа егь. ) реимадара бзиа иалҵшәаны хықәкылатәи аспирантурала акадр ҿыцқәа рааӡарази, иара убасгьы аҭҵаарадырратә проектқәа реицынагӡарази алшара бзиақәа ҟалеит. Рзанааҭтә усура инаваргыланы, аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩцәа аӡәырҩы акыршықәса аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара иазкыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәын. Урҭ иаартны иаҿагылон Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рганахьала иҟаз аицакрақәа, ашәҟәқәа рыҩуан апартиатәи аҳәынҭқарратәи инстанциақәа рышҟа, аиҳабырахь. 30-40-тәи ашықәсқәа раахыс ириашамкәа иаанханы иҟаз Аԥсны амилаҭтә политикатә еилагарақәа рыриашара иазку апроблемақәа рыҭҵааразы аҳәара ҟарҵон. Активла иалахәын есжәашықәса Аԥсны протесттә ҳасабла имҩаԥысуаз аԥсуа жәлар рықәгыларақәа. Уи азы Аԥсни Қырҭтәылеи рпартиатә еиҳабыра аинстиут аусзуҩцәа кыдцаланы ирыман. 1980-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжазы Аԥсуа институт аҿы аусура иалагоит аԥсуаҭҵааҩцәа рабиԥара ҿыц: афилологцәа - Б. Г. Џьонуа, Џь. И. Адлеиԥҳа, В. А. Кәаӷәаниа, Ц. С. Габниаԥҳа, Ҭ. Шь. Џьапуаԥҳа, А. Гь. Ладариаԥҳа, З. Џь. Џьапуаԥҳа; аҭоурыхҭҵааҩцәа – В. М. Ԥачлиа, Р. К. Кациа, В. Ф. Быҭәба, Гә. Џь. Гәымба, Е. М. Ешба-Чкок; аетнологцәа – А. Е. Шьынқәба, С. А. Дбар, О. В. Маан; археологцәа – М. Хә. Хәарҵкьиа, Л. М. Кәаӷәаниа, Д. С. Бжьаниа. Арҭ ашықәсқәа рзы Аԥсуа институт аҿы аус руан аҟәшақәа ааба, 70-ҩык инареиҳаны аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. Урҭ рахьтә иҟан 10-ҩык аҭҵаарадырртә доқторцәа, 46-ҩык  аҭҵаарадырратә кандидатцәа. Аинститут адиреқторс дыҟан Гь. А. Ӡиӡариа (1966-1988). 1988 шықәсазы Аԥсуа институт дахагылеит В. Г. Арӡынба. Аинститут усҟан хықәкыс ишьҭнахит атематика аус адулараҿы ахьыԥшымра ду аарԥшра, акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа разԥхьагәаҭареи реиҿкаареи. Адиректор аинститут аусзуҩцәа ирыдигалаз апрограммаҿы иқәиргылон аԥсуаҭҵаарадырразы акрызҵазкуаз адҵақәа, ҷыдала, адисциплинақәа рыбжьара арҿиаратә коллективқәа раԥҵара: ареспубликаҿы амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҭҵааразы, «Аԥснытәи АССР атопонимқәеи агидронимқәеи рыхсаалеизга» азырхиаразы икомплекстәу аономастикатә гәыԥ аиҿкаара, «Аԥсны археологиа (ажәытәӡатәи аамҭа инаркны 17 –тәи ашәышықәса аҟынӡа)» захьӡу амонографиа аԥҵаразы археологиа иазку арҿиаратә гәыԥ аиҿкаара; азҵаара ықәгылан аҭыжьымҭақәа: «Аԥсуаа рытрадициатә культура», «Аԥсуа мифологиатә жәар», «Аԥсны аҭоурых» (3-томк иҟоу); «Аԥснытәи АССР. Аенциклопедиатә жәар» разырхиаразы аусура ахацыркра; Аԥсуа институт иҭнажьуаз аҭҵарадырратә ҭыжьымҭақәа рхыԥхьаӡара ацҵара. Аԥсуа институти, Аԥсуа университети, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии аҭҵаарадырра аганахьала русеицура уҳәа уб иҵегьы. Иазԥхьагәаҭаз аусқәа рынагӡара залмыршахеит есааира иуадаҩхоз ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, В. Г. Арӡынба аполитикатә усзура ашҟа аиасра аниқәшәа. Уи раԥхьа СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхит, анаҩс – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩыс. Аха иара ус шакәызгьы, уеизгьы иалыршахеит иазԥхьагәаҭаз аҭҵаарадырратә уснагӡатәқәа рыҟнытә акык-ҩбак рынагӡара: иҭыжьын арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсны аҭоурых» (1991), иара убас архивттә материалқәа реизга: «Аԥсны. Адокументқәа шаҳаҭра руеит. 1937-1953 шш. » (1992); имҩаԥган Зегьеидгылоутәи аҩаӡара змаз аконференциақәа ҩба – «Башкаԥсаратәи археологиатә семинар», «1986-1987 ш. ш. рзы имҩаԥгаз аетнографиатәии антропологиатәии ҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирызкны Зегьеидгылоутәи аҭҵаарадырратә сессиа». СССР ахыбгалара, уи ашьҭахьҵәҟьа излагаз Қырҭтәыла агрессиа, ақырҭуа ир еибашьрала Аԥсны рақәлара, шықәсык инеиҳаны ицоз Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра, аҳтнықалақь Аҟәа аӷа инапаҵаҟа аҟазаара – ишьаарҵәыраз арҭ ахҭысқәа зегьы Аԥсуа институт азы итрагедиа дуны иҟалеит. 1922 шықәса 22. 10. рзы Қырҭтәылатәи арбџьар мчқәа аоккупациа ззыруз аҳҭнықалақь аҿы ирыблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа; инықәыццышәаа ицеит урҭ рыҩныҵҟа иҵәахыз зегьы: архивтә фондқәа, иуникалтәу абиблиотека, аусзуҩцәа рнапылаҩырақәа, аҭыжьра иазырхианы иҟаз аҵарауаа русумҭақәа уҳәа уб. иҵегьы ирацәаны. Аибашьраан аԥсадгьыл ахьчараҿы иҭахеит аинститут аусзуҩцәа – М. Х. Хәарҵкьиа, В. Ф. Быҭәба, Л. М. Кәаӷәаниа. Аҟәа иалаханы иҟаз аинститут аусзуҩцәа В. Г. Арӡынба дызхагылаз Аԥсны ахьчаҩцәа иаартны ирықәыӡбарц азы аоккупациатә мчқәа изныкымкәа ишрықәмақархьазгьы, уи рзалмыршеит. Акраҵанакуан усҟан Аҟәа иаанханы иҟаз адиректор ихаҭыԥуаҩ В. В. Дарсалиа иникылаз ипозициа. 1992-1993 ш. ш. рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа иалагеит аинститут аиҭашьақәыргылара апроцесс: иҿыцны ишьақәыргылатәын аҭҵаарадырратә библиотека афондқәа. Уи аиқәыршәараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә академиа асистема иалахәу Мрагылараҭҵаара Аинститут, А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература Аинститут, Архологиатә Институт, Н. Н. Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Ринститут, иара убас Мрагыларатә жәлар рҟазара Амузеи, Пиотр Ду ихьӡ зху антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьессиеи, Ҟабарда-Балкариеи рреспубликақәа ринститутқәеи руниверситетқәеи, Ростови, Ставрополи, Краснодари атәылаҿацәқәа рҿы иҟоу аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа. Хаз игоу ԥыҭҩык аҵарауаагьы ҳамҭас аинститут иарҭеит рхатәы библиотекақәа (н. Г. Волкова, А. Х. Халиков). Урҭ ашықәсқәа рзы нап аркын имариамыз аинститут аиҭашьақәыргылара апроцесс: аматериалтә-техникатә база, архив; иалыршан имаҷымкәа аҭҵаарадырратә процессқәа раларҵәара: Аԥсны аҵакырадгьыл аҩныҵҟа археологиатәи аетнологиатәи еқспедициақәа, жәларбжьаратәи, ареспубликатәи, аинститут иатәуи аконференциақәа, аишәа гьежьқәа уҳәа убас егьырҭ аусқәа рымҩаԥгара. Акыр иазҳаит аԥсуаҭҵаара иазкны иҭыҵуаз аҭҵаарадырратә литература ахыԥхьаӡара; аинститут аҿы иаартын иҿыцу аструктуратә ҟәшақәа: аполитологиеи аконфликтологиеи, аенциклопедиеи, ахыҵхырҭеи, аспирантуреи рыҟәшақәа. Урҭ ашықәсқәа рзы акьыԥхь збаз аҭыжьымҭақәа рыҟнытә, хазы игоу авторцәа рышәҟәқәа рыдагьы, иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аколлективтә монографиақәа, аҭҵаарадырратә статиақәа реизгақәа. Аколлективтә монографиақәа рҟнытә иалукаар алшоит: «Ҳаамҭазтәи Аԥсны ақыҭа: асоциалтә-етнографиатәи антропологиатәи аҭҵаарақәа» (2006; Н. А. Дубова, В. И. Козлов, А. Н. Иамсков рредақторрала), «Кавказ ажәларқәа» рсериаҿы Британиа иҭыжьыз ашәҟәы «Аԥсуаа» (1999ш. ,аиқәыршәаҩ Џь. Ҳиуитт), Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Ринститути Аԥсуаҭҵааратә институти еицдырхиаз, нас «Ажәларқәеи акультуреи» асериаҿы иҭыжьыз «Аԥсуаа» (1-тәи аҭыжь. – 2007, 2-тәи - 2012ш. ш. ; атакзыԥ. аредакторцәа Иу. Д. Анчабаӡе, Иу. Г. Аргәын), «У111-Х1 ашә. рзы Аԥсуа аҳра аҟазара» (2011; аҭакзыԥ. Аредактор, аиқәыршәаҩы Е. Иу. Ендольцев), «Азиеи, Кавкази Урало- Поволжиеи. 1-тәи атом. Аԥсны» (2013; аҭакзыԥ. Аредактор А. Иу. Скаков). Архивтә документқәеи аматериалқәеи кьыԥхьын аҭыжьымҭақәа: «1917-1921 ш. ш. Аԥсны ахақәиҭратә ҵысра алахәцәа. Кьаразааи, Агвардиаҟаԥшьааи, апартизан ҟаԥшьааи ргәалашәарақәа» (2007; аиқәыршәаҩы А. Е. Кәыпраа, А. Ф. Аҩӡба), «Х1Х-тәи ашәышықәсазтәи (1803 – 1839) Аԥсны аҭоурых. Адокументтә материалқәа реизга», 3- томк: (1 атом. 2008; аиқәыршә. Гь. А. Ӡиӡариа), «ХУ111-Х1Х ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых иазку аматериалқәа. (1762-1859)» (2-тәи атом, 2011; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, С. Шь. Салаҟаиа,А. Ф. Аҩӡба), «Х1Х-тәи ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых иазку аматериалқәа. (1863-1874)» (3-тәи атом. 2012; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, С. Шь. Салаҟаиа,А. Ф. Аҩӡба), «Аԥсны. Адокументқәеи аматериалқәеи (1917-1921 ш. ш. )» (2009; аиқәыршә. Р. Х. Гәажәба), «Аԥсны асоветтә аамҭазтәи аҭоурых иазку аматериалқәа», 3-томкны: 1-тәи атом – Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. ) Ақыҭа. Ақыҭанхамҩа» (2012; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, 2-тәи атом - Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. ) . Жәлартә ҵарадырра. Акультура. Аҭҵаарадырра» (2012 ; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа), 3-тәи атом - Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. )» (2016; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа), «1992-1993 ш. ш. рзы Ареспублика Аԥсны амедицинатә маҵзура» (Адокументқәеи аматериалқәеи» 2018; аиқәыршә. А. Ф. Аҩӡба, Е. Г. Гегиа). Акьыԥхь рбеит апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟнытә аматериалқәа зныз ашәҟәқәа: «Аԥсни аԥсуааи Урыстәылатәи апериодикаҿы (Х1Х – ХХ ашә. алагамҭеи)», 2- шәҟәык (1-тәи ашәҟәы 2005; аиқәыршә. Р. Х. Агәажәба,Ҭ. А. Ачыгәба, 2-тәи ашәҟәы – 2008; аиқәыршә. Р. Х. Агәажәба,Ҭ. А. Ачыгәба) , «Агазеҭ «Аԥсны» (1919-1921 ш. ш. )» (2006, акьыԥхь азырх. В. Ш. Аҩӡба), «Агазеҭ «Республика Абхазия». 1992 ш. [[Нанҳәамза|нанҳәа]] 14 – 1993 ш. цәыббра 30» (2017; аиқәыршә. А. Ф. Аҩӡба,В. З. Чамагәуа), «Агазеҭ «Конфедерация», 1992-1993 ш. ш. » (2018; аиқәыршә. Л. Р. Ҳагба, А. Ф. Аҩӡба). Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥгаз жәларбжьаратәи, ареспубликатәи, аинститутә конференциақәеи аԥхьарақәеи ирыбзоураны иҭыжьын хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә статиақәа реизгақәа, урҭ иреиуоуп: «Кавказтәи абызшәадырреи афольклорҭҵаареи ҳаамҭазтәи рыпроблемақәа. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор К. С. Шьаҟрыл диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа (лаҵара 28-30 1999ш. Аҟәа» (2000; аҭакз. Аред. Л. Р. Ҳагба), «Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициақәа, абызшәақәа. Лаҵара 28-31 2001 ш азы имҩаԥгаз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 75 шықәса ахыҵра иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла, Аҟәа» (2004; аҭакзыԥ. Аредактор В. Ш. Аҩӡба), «Амилаҭтә культурақәа ҳазҭагылоу аамҭазы: Алитература. Афольклор»). 2003ш. жьҭарамза 22-26 ш. азы Аҟәа имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. (2012; аҭакзыԥх. аредактор А. И. Чагин, В. Ш. Аҩӡба, А. А. Бигәаа), «Актәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа. Кавказ амшынеиқәаҿықәтәи ажәытәӡатәи акультурақәа, урҭ ргәыларатә регионқәа ркультурақәеи дареи реигәныҩра. Акультуратә ҭынха аиқәырхара. . Иу. Н. Воронов игәалашәара иазкны». (2006; аҭакзыԥ. аредактор В. В. Бжьаниа), «Аҩбатәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа. Кавказтәи ажәытәӡатәии абжьарашәышқәсатәии археологиа апроблемақәа. М. М. Ҭраԥшь игәалашәара иазкны. 2008ш. абҵара 8-12, Аҟәа» (2011; аҭакзыԥ. Ардеактор А. Иу. Скаков), «Актәи Жәларбжьаратәи Инал -иԥа иԥхьарақәа (2007ш. жьҭаара 9-12, Аҟәа)» (2011; аҭакзыԥ. аред. Ҭ. А. Ачыгәба), В. Г. Арӡынба диижьҭеи 65 шықәса аҵра иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа, «З. В. Анчабаӡе диижьҭеи 90 шықәса иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа (2010ш. лаҵара 27-28, Аҟәа)» (2012, аредактор хада С. Шь. Салаҟаиа), «Ахԥатәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа, Кавказ ажәытәӡатәии абжьарашәышықәсатәии археологиа апроблемақәа. 2011 ш. абҵара 28 - ԥхынҷкәын 1, Аҟәа). Г. К. Шамба игәалашәара иазкны» (2013; аҭакзыԥх. аредактор А. Иу. Скаков), «Кавказ имҩаԥысуаз аибашьрақәа – аҭоурых аҵатәхәқәа. 1992-1993 ш. ш. азтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 20 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. 2012 ш. абҵара 11-12, Аҟәа» (2014; аҭакзыԥх. аред. С. Шь. Салаҟаиа), «Амилаҭтә культурақәа ҳаамҭазы»: Алитература. Афольклор. (В. В. Кожинов игәалашәара иазкны). Аҩбатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа. 2012 ш. жьҭаара 15-18 2012 ш. Аҟәа» (2015; аҭакзыԥх. аред. В. А. Бигәаа, В. Ш. Аҩӡба), «Аибашьреи аҭынчреи Кавказ аҭоурых аҿы. 1992-1993 шш. азтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 20 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. (2013ш. Жьҭаара 24-26, Аҟәа» (2016; аредколлегиа), «Аҩбатәи Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа. 2011ш. жьҭаара 11-13, Аҟәа» (2016; аҭакз. аред. В. Л. Бигәаа), «Кавказ Х1Х-ХХ-тәи ашәышықәсқәа рзы аҭоурыхтә еиҭакрақәа раан; аполитикатә, асоциалтә,аинтеллектуалтә ҭоурых ирызку апроблемақәа. Г. А. Ӡиӡариа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа (2014ш. лаҵара 5-7, Аҟәа) (2016; аредколлегиа), «Аԥсны адунеитә ҭоурых аҿи жәларбжьаратәи аизыҟазаарақәа рҿи». Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. В. Г. Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны (2015ш. лаҵара 14-17, Аҟәа ақ. )»(2016; аҭакзыԥх. аред. А. Иу. Скаков), «Ахԥатәи жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа. 2016ш жьҭаара 4-6, ақ. Аҟәа» (2017; аҭакз. аред. Иу. Д. Анчабаӡе), Идыру археолог-кавказҭҵааҩы Л. Н. Соловиов игәалашәара иазкны «Кавкази Аԥсни ажәытәӡани абжьаратәи ашәышықәсқәеи рзы: акультурақәа реигәныҩра» зыхьӡу 1У –тәи Аԥснытәи археологиатә конференциа аматериалқәа. (2013 ш. абҵара 26-30, Аҟәа)» (2017ш. Аредактор хада А. И. Џьапуа), афольклорҭҵааҩы, еицырдыруа нарҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы А. А. Аншба игәалашәара иазкны жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа: «Кавказ ажәларқәа рфольклор: аҭоурыхтә ҭынхеи ҳаамҭатәи абзазаашьеи»(2016ш. жьҭаара 24-27, Аҟәа ақ. » (2019 ш; аҭакзыԥх. аредактор Ц. С. Габниа). Иахьатәи аамҭазы Аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы иҟоуп аҟәшақәа 8: абызшәатә, афольклортә, алитературатә, археологиатә, аетнологиатә,аҭоурыхтә,ахыҵхырҭатә, аполитологиатәи аконфликтологиатәи; алабораториақәа ҩба адиалектологиатәии афольклортәии; аинститу аҿы иҟоуп архивтәи аҭҵаарадырратә библиотекеи; аус руеит 105-ҩык аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, урҭ рҟнытә адокторцәа – 20. ҩык, аҭҵаарадырратә кандидатцәа -27-ҩык (2019). ==Алитература== * Бӷажәба Х. С. Аԥсуа институт аҭоурых иазкны// Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ирызку Аԥсуа институт Аусумҭақәа. ХХХ11 атом. Аҟәа, 1961; * Ӡиӡариа Г. А. Аҭҵаарадырра ашәҭыкакаҷра// Аԥснытәи АССР асоветтә жәларқәа риашьаратә ҭаацәараҿы. Аҟәа, 1972; * Салаҟаиа Ш. Х. Аԥсуаҭҵаара ацентр ( Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт 50 шықәса ахыҵразы), Аҟәа , 1982; * Ҷоҷуа А. М. Иалкаау арҿиамҭақәа. Қарҭ, 1987; * Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа русумҭақәа рҭыжьымҭа абиблиографиатә рбага (1925-2000) / аиқәыршәаҩ: Е. В. Марганиа, Л. Д. Наҷҟьебиа. Аҟәа, 2001; В. Ш. Аҩӡба Д. И. Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥсуа институт: аҭоурых, апроблемақәа, аперспективақәа// Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициақәа, абызшәақәа. (Аԥсуа Ҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа гуманитартә аҭҵаарадырратә институт 75 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла, 2001 ш. лаҵара28-31, Аҟәа2003 ш; * ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара рҭҵаарадырратә усумҭақәа рбиблиографиатә рбага (1979-2004). (Аиқәыршә. Ш. С. Гәарамиа)). Аҟәа). Аҟәа, 2011; Асоветтә ҟәша иаҵанакуа Аԥсны аҭоурых аматериалқәа. Аԥсны ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931ш. ш. ). Жәлартә ҵара. Акультура. Аҭҵаарадырра. Атехникатә ааглыхра. (Аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа). Аҟәа, 2015; * Арӡынба В. Г. Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт аперспективақәеи апроблемақәеи * Арӡынба В. Г. Аусумҭақәа реизга. Х-томкны иҟоу. 11 атом. Кавказтәи амифқәеи, абызшәақәеи, аетносқәеи. М. Аҟәа, 2015. [[Акатегориа:Дырмит Гәлиа]] [[Акатегориа:Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа]]
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт () — аԥсуа ҭҵаарадырратә центр; Аҟәа иҟоуп. Аԥсуа ҭҵаарадырра иазку аинститут аиҿкаара аидеиа хацыркын 20-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы; раԥхьаӡа акәны уи аӡбахә аартны ирҳәеит Аԥсуа ҭҵаарадырратә Уаажәларра 1924 шықәса цәыббрамза аҩбатәи азбжазы имҩаԥыргаз Амшын еиқәа агаҿатәии Мраҭашәаратәи Кавкази атәылаҿацә аҭҵааҩцәа Реизара Ду аҿы. 1925 ш. жьырныҳәа 13 рзы Н. Лакоба ихантәарала имҩаԥысыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра аилатәараҿы еиқәшаҳаҭны иазхаҵаны ирыдыркылеит «Аԥсны акультуреи аекономикеи реизырҳаразы ара аҭҵаарадырратә институт аԥҵара хымԥада ишаҭаху» ҳәа ақәҵара. Аԥсуа ҭҵаарадырразы иразҟыӡбагахаз ари аизара иалахәын Д. И. Аланиа, З. Н. Бениа,А. М. Ҷоҷуа, Н. С. Патеиԥа, Веқслер, Ступак, Кудриашов, А. И. Чыкәбар, Г. П. Барач. А. А. Колоковски, Л. Л. Захаровски, Л. В. Карташев, С. П. Басариа, Кашкина, Мелиавицки, Р. И. Какәуба, В. И. Стражев, А. С. Меерович, Бердичевски, В. П. Малеев, Н. В. Риабов, Фармаковски. Иара убри аилатәараҿы Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра асовет ирыдҵан аинститут аиҿкаара иазкны иазырхиаз апроект Аԥсуа Центртә Нагӡаратә Комитети Асовет жәлар ркомитети рҿаԥхьа азҵаара ықәыргыланы, абри аус ахәаԥшразы ирыдыргаларц. Ирыдгалаз апроект аҿы ишарбаз ала, иаадыртраны иҟаз аинститут аҿы иазԥхьагәаҭан: ашьхара-геологиатә, адгьылтә (анышәтә), абиологиатә (уи иаҵанакуаз азоологиеи аботаникеи ацҵаны), иара убас агуманитартә (аҭоурых, археологиа, аетнографиа, абызшәадырра, афольклор уҳәа), агеографиатә, атехн. -ааглыхратә, абиблиографиатә, анозологиатә, асанитартә, амузеитә ҟәшақәа раартра. Аштат аҿы 20-ҩык аусзуҩцәа рҭыԥ азылхны шықәсыктәи абиуџьет 30 096 мааҭ азыԥҵәаны аҟаҵара. Аха Аԥсны аиҳабыра аԥара ахьрымамыз иахҟьаны ари апроект мап ацәыркыр акәхеит. Уи ацынхәрас академик Н. И. Марр иаԥшьгарадла иақәшаҳаҭхеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа аартра. Ари академиа аартра иазкны аԥшьгаратә гәыԥ реилатәара мҩаԥысит академик Н. И. Марр инапхгарала, 1925 ш. 11. 10. рзы. Уи иалахәын А. М. Ҷоҷуа, С. М. Ашәхәацаа, Н. С. Патеиԥа, С. И. Ҷанба, П. С. Шьаҟрыл, Ш. Е. Хокьерба, А. И. Чыкәбар. Урҭ иазгәарҭеит Академиа иаарласны аартра хымԥада ишаҭаху, иара убасгьы иазԥхьагәарҭеит уи анаҩстәи аусуратә план. 1926 ш. 26. 05. азы Аԥснытәи ССР Асовет Жәлартә комитет ишьақәнаргылеит «Аҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа» аԥҟара, уи аԥхықәра хадақәа ҳәаақәҵаны: «а) аԥсуа бызшәеи, насгьы уи инадҳәаланы аԥсуа жәлар рыбзазареи рҭоурыхтә культуреи ҭҵаарадыррала рыҭҵаара; аԥсуа хатә ажәеи аԥсуа милаҭтә литературеи атехникатә еиӷьтәра; в) Аԥсны аинтересқәа ирызкны аҭҵаарадырра-рккаратә усзура аганахьала иҟаҵоу ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи массала ауаа рыларҵәара уҳәа убас иҵегьы. Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭак аҳасабала, официалла аҭоурых хацыркуп аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа анаадыртыз инаркны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Академиа иалахәылаз аҵарауаа рхыԥхьаӡара 9-ҩык инадыркны 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит, аха аштат аҿы иҟаз 3-4-ҩык ракәын. Раԥхьатәи хантәаҩыс дыҟан А. М. Ҷоҷуа. Уи ишьҭахь – Д. И. Гәлиа, уи маӡаныҟәгаҩыс диман – П. С. Шьаҟрыл. Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа аусура мҩаԥнагон асеқциақәа рыла ишаны: атерминологиатә, аҭыжьырҭатә, аҟазареи амузыкатә фольклори. Аԥсуа ҭҵаарадырратә Уаажәларра аҽамаданы, Академиа ишьақәнаргылеит: СССР Аҭҵаарадырратә академиа иатәу Азиатәи аинститут, аҳәаанырцәтәи акультуратә еимадарақәа алзыршоз Зегьеидгылоутәи ауаажәларра, Горсктәи атәылаҿацәҭҵааратә институт, Асахь. ҭҵаарадыррақәа ирызку Аҳәынҭқарратә академиа, Кавказтәи аҭоурых-археологиатә институт уҳәа СССР аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа рҿы аимадара бзиақәа. Иара убас аиҩызара рыбжьан Аԥсуа академиеи еицырдыруа аҵарауаа: апроф. Н. И. Марри, апроф. Н. Ф. Иаковлеви, Г. Шмидти, иара убас Москватәи Ацентртә жәларҭҵааратә музеи амаӡаныҟәгаҩи. Аԥсуа бызшәа академиа иҭнажьит: Н. И. Марр «Аурыс-аԥсуа жәар», Д. И. Гәлиа - «Аԥсуаа рҿы аџьма акульт» (Аԥсуа етнографиа иазкны), «Алитературеи абызшәадырреи рзы атерминологиа (аурыс-аԥсуа, аԥсуа – аурыс); К. В. Ковач - «101 аԥсуа ашәа», «Кәыдрытәи аԥсуаа рашәақәа»; иара убас иҭыжьын асахьаркыратә литература шәыҟәқәа жәпакы. 1930 ш. 28. 05. рзы Аԥснытәи Жәлартә ҵара акомитет иаднакылеит аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа ахьӡ аиҭеиҭакразы ақәҵара. Аинститут аштат аҿы аус руан 4-ҩык: адиректор (Г. Берзениа), адиректор ихаҭыԥуаҩ (Д. Гәлиа), иара убас ҩыџьа аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. 1931 ш. 5. 08. азы Аԥснытәи Ацентртә Нагӡаратә комитет апрезидиум иаднакылоит Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларреи Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институти реидҵаразы ақәҵара. Уи иахҵан Аԥснытәи аҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа. Еилазаашьала уи асеқторқәеи аҟәшақәеи рыла еиҟәшан. Аус руан х-сеқторк: 1) аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҟазареи; 2) ауаажәларратә- ҭоурыхтә; 3) аҭыԥантә ааглыхреи ақыҭатә нхамҩеи ҳәа 2-сеқциак змаз жәлартә нхамҩатә ҟәша. Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҟазареи рсеқтор 4-сеқциак рыла ишьақәгылан: а) абызшәадырра, аҭҵаарадырратәи апрактикатәи аграмматика, б) арҵагатә шәҟәқәа, в) асахьаркыратә литературеи жәлар рырҿиареи, г) аҟазареи. Ауаажәларратә-ҭоурыхтә сеқтор шьақәгылан: апартиа аҭоурыхи Аԥсны ареволиуциа аҭоурыхи, аетнографиеи, асоциалисттә культуреи абзазареи - уи аҩныҵҟа иҟан иара убас акультуратә револиуциеи, абзазара аԥсахреи, амцхаҵарақәа раҿагылареи ирызкыз асеқциақәагьы. Аинститут анапхгара азнауан адиреқторат: А. К. Ҳашба (адиректор), ҩыџьа ихаҭыԥуаҩцәа – В. И. Кәыкба, С. И. Ҷанба; асеқциа еиҳабцәас иаман: А. В. Фадеев (ауаажәларратә-ҭоурыхтә), Бибикови В. Г. Семионови (жәлартә нхамҩатә), А. А. Колоковски (аботаника), В. И. Кәыкба (абызшәеи алитературеи). Урҭ ашықәсқәа рзы аинститут аҿы ихацыркын «Аусумҭақәа» рҭыжьра. Уа ианылон аҵарауаа рколлективтә статиақәа реизгақәа реиԥш, хазы игоу авторцәа рмонографиатә усумҭақәагьы. Иара убас адәаҿы еизыргоз афольклортә-етнографиатә, ма алингвисттә материалқәа; инеизакны уи аамҭа иалагӡаны иҭыжьын 34 том, убарҭ зегь рҟынтә Аҩбатәи Адунеитә еибашьра ду ҟалаанӡа – 20. 1935 ш. азы Аԥснытәи аҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт академик Н. И. Марр ихьӡ ахҵан. Аинститут ахьӡгьы ԥсахны Аԥсуа культура аинститут ҳәа ахьӡҵаны СССР Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иалаҵан. 1938-1948 ш. ш. рзы аинститут диреқторс дыҟан А. М. Ҷоҷуа. 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызыбжазы аинститут харҭәаахеит аҵарауаа ҿыцқәа рыла: К. С. Шьаҟрыл, А. А. Олонецки, Б. П. Џьанашьиа, И. Г. Анҭелава, Хә. С. Бӷажәба, Гь. А. Ӡиӡариа. Сталини Бериеи раамҭақәа рзы массала имҩапысуаз арепрессиақәа, арӡрақәа аинститут ӷәӷәала ааха арҭеит. Аԥснытәи аинтеллигенциеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи аӡәырҩы реиԥш, харада ахара рыдҵаны, русқәа еиқәырҽаҽаны идырӡит аинститут аҿы аус зуаз аԥсуа ҵарауаа: А. К. Ҳашба. В. И. Кәыкба, С. М. Ашәхаҵаа, В. М. Маан, З. Р. Агрба. Даҽа гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа арепрессиақәа ирцәынхеит Аԥснынтәи ибналаны ацара ахьрылшаз иабзоураны. Акьыԥхь аҿы урҭ зегьы «жәлар раӷацәа» ҳәа рыхьӡ ҳәаны ирықәыӡбон. Аҭҵарадырра иазкыз ихатәраз ҳәа ишьаз аҭыжьымҭақәа рыҿгьы иуԥылар алшон уи аамҭа еиқәаҵәа азы иҟазшьарбагаз абас еиԥш иҟаз ақәыӡбарақәа: «. . Уажәы иаҿаԥырҽыз жәлар раӷацәа, Аԥсуа акультура аинститути, Жәлартә ҵара акомитети, Аԥснытәи асовет шәҟәыҩҩцәа реидгылеи рҿы итәаз абуржуазтә милаҭеилыхҩцәа, агәазыҳәаратә нырра ду узҭо, ибеиаӡоу ақырҭуа культура дуӡӡа иацәхьаҵны, аганахь игылаз… избанзар урҭ имаҭ шҳамыз ргәы-ԥсы зегьы ала ақырҭуа жәлар рцәымӷын. Қырҭтәыла аҟәыҭхазаара, Қырҭтәылеи Аԥсни рџьажәлар ирыбжьоу сталинтәи аиашьаратә еиҩызара аԥырхагахара, Аԥсны инхо ақырҭуа џьажәлар зегь рыла рыларҟәра - абас акәын ишыҟаз урҭ имҩаԥыргоз атеррористтә, аконтрреволиуциатә, арӷьа-троцкисттә политика. Асабрадақәа рхаҵаны, асоветтә мчра бзиа ирбошәа рҽыҟаҵаны, урҭ Аԥсны акыраамҭа рыцәгьаусқәа ирҿын, асоциалистә ргылара системала ааха аҭо. Избан арҭ агәымхашьацәа, абуржуазтә милаҭеилыхҩцәа Қырҭтәыла абриаҟара изырцәымӷхаз? Избанзар урҭ амҵақьақьаҩцәа зегьы - лакобақәеи агрбақәеи Қырҭтәылатәи аџьажәлар мацара ракәӡам изаӷоу, урҭ Аԥсны аџьажәларгьы ираӷоуп. Урҭ ахәымгақәа, ихагахаз ауаа мишәанқәа, аԥсахҩы ламысдақәа – афашисттә, иара убас егьырҭ аҳәаанырцәтәи аԥшыхәыҩцәа рагентцәа роуп. Урҭ аханатәгьы асовет мчра ианымшәо иаӷацәан, асоциализм иаӷацәоуп, Ленини – Сталини рпартиа Ду иаӷацәоуп». Аха иара убри аамҭазы акьыԥхь рбеит аԥсуаҭҵаара иазкны акрызҵазкуа аусумҭақәа: Н. И. Марр «Аԥсуаа рбызшәеи рҭоурыхи иазкны», А. В. Фадеев «Аԥсны аҭоурых иазкны икьаҿу аочерк», Гь. А. Ӡиӡариа «ХХ ашәышықәса актәи азыбжазы Аԥсны азы ақәԥара». 1939 шықәсазы аинститут дырҩегьых ахьӡ ԥсахны Н. И Марр ихьӡ зху абызшәеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа ахьӡҵан. 1941 шықәсазы, Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадырратә академиа анаԥҵаха ашьҭахь, уи асистема иалаҵан. 1930-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы аинститут аҿы аԥсуаҭҵааратә тематика еиҳа-еиҳа еиҵало иалагеит: уи хымԥада ақырҭуа ҭоурыхҭҵаареи акультуреи ашьаҭала иахәаԥшуан, аԥсуа бызшәа афункциақәа еиҳа-еиҳа имаҷхон; иҭыҵуаз аусумҭақәа рҿы аԥсуа авторцәа рхыԥхьаӡара еиҵалон; аԥсышәала иҩу астатиақәа зынӡасгьы ианыломызт; дара аизгақәа ртитултә даҟьақәа рҿы қырҭшәалеи урысшәалеи мацара ианырҵон. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ианалага нахыс ари атенденциа еиҳа-еиҳа аҽарыӷәӷәо иалагеит, уи ус иҟан 1950-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызыбжанӡа. Аинститут диреқторцәас урҭ ашықәсқәа рзы иҟан: В. А. Ивардава, П. К. Ратиани, П. Г. Гәыџьабиӡе. 1945 шықәсазы аинститут аилазаашьатә структура аҟнытә иалхын аботаникатә сеқциа, Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан ихазу аҭҵаарадырратә усҳәарҭа. 1950 шықәсазы Аԥсуа институт даҽа зныкгьы ахьӡ ԥсахны, «Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт» ҳәа ахьӡҵан. Аамҭакала, 1950 шықәсазы «абызшәатә дискуссиақәа» ирыбзоураны имҩаԥгаз аӡбарақәеи, иара убасгьы И. Марр илингвисттә ҵара иазыруаз акритикеи инарымаданы аинститут ихьӡ ахырхит; 1954-1955 ш. ш. аинститут Д. И. Гәлиа ихьӡ ахырҵоит, анаҩс 5 шықәса хьӡыда иҟан. 1960 шықәсазы Д. И. Гәлиа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аинститут еиҭа ихьӡ ахырҵеит. «Аԥсасира» аамҭазы СССР иҟалаз аполитикатә еиҭакрақәа, хымԥада аинститут аусура акыр иазеиӷьхеит: аҽарҭбаауа иалагеит аԥсуаҭҵааратә тематика, Москвеи, Ленингради, Қарҭи аҭҵаарадырратә центрқәа рҿы аспирантура иалгаз аҭыԥантәи аспециалистцәа рыла иазҳаит аинститут акадртә еилазаашьа; игәоуҭартә еиԥш иазҳаит аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа рхыԥхьаӡара. Еиԥҟьарада, исистематәны иҟалеит археологиатәи афольклортә-етнографиатәи аеқспедициақәа. Арҭ ашықәсқәа рзы аинститут аҿы аус руан аҟәшақәа хԥа: абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи аетнографиеи, аекономикеи. Аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит 14-ҩык рҟынтәи 31-ҩык рҟынӡа. Урҭ реиҳараҩык аҭыԥантәи ҵарауаан. Аинститут аҿы аԥышәа ду змаз аспециалистцәа инарывагыланы қәҿиарала аус руан аҵарауаа қәыԥшцәагьы; афилологиа аганахьала: Х. С. Бӷажәба, К. С. Шьаҟрыл, Б. П. Џьанашьиа, Б. В. Шьынқәба, М. М. Цколиа, Е. П. Шаҟрылԥҳа, Шь,Ҟ. Арсҭаа, Л. П. Ҷкадуа, В. Х. Конџьариаԥҳа; аҭоурыхҭҵаара аганахьала: И. А. Аџьынџьал, А. А. Оленецки, Л. Н. Соловиов, Г. А. Ӡиӡариа, Шь. Д. Инал-иԥа, И. Г. Анҭелава, М. М. Ҭраԥшь, А. А. Аԥшьлаа, З. В. Анчабаӡе, А. Ф. Хонелиа, Л. Х. Акаба, Ц. Н. Бжьаниа, А. Е. Кәыпраа, М. М. Гәынба,. Арҭ ашықәсқәа рзы аинститут директорс дыҟан Х. С. Бӷажәба (1953-1966). 1960-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны акыр еиӷьхоит аинститут аматериалтә-техникатә база, еиҳахоит акадрқәа рхыԥхьаӡара, иаадыртуеит аҟәша ҿыцқәа. Аинститут аҿы аус руан аҟәшақәа фба – абызшәа; алитературеи афольклори; аҭоурыхтә; археологиатә; аетнографиеи аҟазареи; аекономикатәи; урҭ рҿы аҭҵаара ус рнапы алакын 60-ҩык инареиҳаны аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. 1960-1980-тәи ашықәсқәа раан аинститут аколлектив маҷ-маҷ ихаҭәаауеит атәыла еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә центрқәа рҿы аспирантурақәа ирылганы адиссертациақәа зыхьчаз, здырра ҳараку аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рыла. Алингвистцәа: Т. Х. Ҳалбад, Н. В. Аршԥҳа, А. Д. Хьециа, Е. Қь. Кьылԥҳа, В. Е. Кәарҷиа, С. М. Наҷҟьебиа, В. М. Бганба, Л. Р. Ҳагба; афольклористцәа: Шь. Хь. Салаҟаиа, С. Л. Зыхәба, А. А. Аншба, Р. А. Ҳашԥҳа, В. Б. Агрба; алитератураҭҵааҩцәа: Л. Д. Чаҵәба, Н. П. Лакоба, В. В. Дарсалиа, В. Л. Ҵнариа, М. Т. Лашәриа, И. И. Кәыҵниа, Р. Хә. Қапба; аҭоурыхҭҵааҩцәа: Б. Е. Саӷариа, Л. М. Прицкер, Гь. А. Амҷба, Г. П. Лежава, С. З. Лакоба, Д. Ч. Нодиа; археологцәа: Гь. К. Шамба, Иу. Н. Воронов, О. Хә. Бӷажәба, Л. Г. Хрушкова, И. И. Ҵнариа, С. М. Шамба; аетнографцәа: Р. К. Ҷанба, Е. М. Малиаԥҳа, Г. Г. Ҭарџьманиԥа, Иу. Гә. Аргәын, П. К. Кәыҵниа, В. Л. Бигәаа, М. С. Ҭҳаицыҟә; амузыкаҭҵааҩцәа: И. М. Ҳашԥҳаи М. М. Ҳашԥҳаи; аҟазараҭҵааҩы Б. М. Аџьынџьал, адин ҭҵааҩы Г. В. Смыр; аекономикаҭҵааҩцәа: Б. Ш. Ашәба, Н. Е. Бушина, Р. М. Лагәлаа, А. М. Амқәаб, А. Р. Гәлиа уҳәа егьырҭгьы. Аԥсуа институти атәыла ацентртә, иара убас арегионалтә академиатә институтқәеи (Н. Н. Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнографиатә Институт, М. Горки ихьӡ зху адунеитә литература Аинститут, археологиатә Институт, СССР аҭоурых Аинститут, аибашьратә ҭоурых Аинститут, аҭоурыхтә Институт, И. А. Џьавахьишьвили ихьӡ зху аҭоурыхи, археологиеи, аетногарфиеи Ринститут) атәылаҿы Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи (М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет, Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет уҳәа егь. ) реимадара бзиа иалҵшәаны хықәкылатәи аспирантурала акадр ҿыцқәа рааӡарази, иара убасгьы аҭҵаарадырратә проектқәа реицынагӡарази алшара бзиақәа ҟалеит. Рзанааҭтә усура инаваргыланы, аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩцәа аӡәырҩы акыршықәса аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара иазкыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәын. Урҭ иаартны иаҿагылон Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рганахьала иҟаз аицакрақәа, ашәҟәқәа рыҩуан апартиатәи аҳәынҭқарратәи инстанциақәа рышҟа, аиҳабырахь. 30-40-тәи ашықәсқәа раахыс ириашамкәа иаанханы иҟаз Аԥсны амилаҭтә политикатә еилагарақәа рыриашара иазку апроблемақәа рыҭҵааразы аҳәара ҟарҵон. Активла иалахәын есжәашықәса Аԥсны протесттә ҳасабла имҩаԥысуаз аԥсуа жәлар рықәгыларақәа. Уи азы Аԥсни Қырҭтәылеи рпартиатә еиҳабыра аинстиут аусзуҩцәа кыдцаланы ирыман. 1980-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжазы Аԥсуа институт аҿы аусура иалагоит аԥсуаҭҵааҩцәа рабиԥара ҿыц: афилологцәа - Б. Г. Џьонуа, Џь. И. Адлеиԥҳа, В. А. Кәаӷәаниа, Ц. С. Габниаԥҳа, Ҭ. Шь. Џьапуаԥҳа, А. Гь. Ладариаԥҳа, З. Џь. Џьапуаԥҳа; аҭоурыхҭҵааҩцәа – В. М. Ԥачлиа, Р. К. Кациа, В. Ф. Быҭәба, Гә. Џь. Гәымба, Е. М. Ешба-Чкок; аетнологцәа – А. Е. Шьынқәба, С. А. Дбар, О. В. Маан; археологцәа – М. Хә. Хәарҵкьиа, Л. М. Кәаӷәаниа, Д. С. Бжьаниа. Арҭ ашықәсқәа рзы Аԥсуа институт аҿы аус руан аҟәшақәа ааба, 70-ҩык инареиҳаны аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. Урҭ рахьтә иҟан 10-ҩык аҭҵаарадырртә доқторцәа, 46-ҩык  аҭҵаарадырратә кандидатцәа. Аинститут адиреқторс дыҟан Гь. А. Ӡиӡариа (1966-1988). 1988 шықәсазы Аԥсуа институт дахагылеит В. Г. Арӡынба. Аинститут усҟан хықәкыс ишьҭнахит атематика аус адулараҿы ахьыԥшымра ду аарԥшра, акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа разԥхьагәаҭареи реиҿкаареи. Адиректор аинститут аусзуҩцәа ирыдигалаз апрограммаҿы иқәиргылон аԥсуаҭҵаарадырразы акрызҵазкуаз адҵақәа, ҷыдала, адисциплинақәа рыбжьара арҿиаратә коллективқәа раԥҵара: ареспубликаҿы амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҭҵааразы, «Аԥснытәи АССР атопонимқәеи агидронимқәеи рыхсаалеизга» азырхиаразы икомплекстәу аономастикатә гәыԥ аиҿкаара, «Аԥсны археологиа (ажәытәӡатәи аамҭа инаркны 17 –тәи ашәышықәса аҟынӡа)» захьӡу амонографиа аԥҵаразы археологиа иазку арҿиаратә гәыԥ аиҿкаара; азҵаара ықәгылан аҭыжьымҭақәа: «Аԥсуаа рытрадициатә культура», «Аԥсуа мифологиатә жәар», «Аԥсны аҭоурых» (3-томк иҟоу); «Аԥснытәи АССР. Аенциклопедиатә жәар» разырхиаразы аусура ахацыркра; Аԥсуа институт иҭнажьуаз аҭҵарадырратә ҭыжьымҭақәа рхыԥхьаӡара ацҵара. Аԥсуа институти, Аԥсуа университети, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии аҭҵаарадырра аганахьала русеицура уҳәа уб иҵегьы. Иазԥхьагәаҭаз аусқәа рынагӡара залмыршахеит есааира иуадаҩхоз ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, В. Г. Арӡынба аполитикатә усзура ашҟа аиасра аниқәшәа. Уи раԥхьа СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхит, анаҩс – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩыс. Аха иара ус шакәызгьы, уеизгьы иалыршахеит иазԥхьагәаҭаз аҭҵаарадырратә уснагӡатәқәа рыҟнытә акык-ҩбак рынагӡара: иҭыжьын арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсны аҭоурых» (1991), иара убас архивттә материалқәа реизга: «Аԥсны. Адокументқәа шаҳаҭра руеит. 1937-1953 шш. » (1992); имҩаԥган Зегьеидгылоутәи аҩаӡара змаз аконференциақәа ҩба – «Башкаԥсаратәи археологиатә семинар», «1986-1987 ш. ш. рзы имҩаԥгаз аетнографиатәии антропологиатәии ҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирызкны Зегьеидгылоутәи аҭҵаарадырратә сессиа». СССР ахыбгалара, уи ашьҭахьҵәҟьа излагаз Қырҭтәыла агрессиа, ақырҭуа ир еибашьрала Аԥсны рақәлара, шықәсык инеиҳаны ицоз Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра, аҳтнықалақь Аҟәа аӷа инапаҵаҟа аҟазаара – ишьаарҵәыраз арҭ ахҭысқәа зегьы Аԥсуа институт азы итрагедиа дуны иҟалеит. 1922 шықәса 22. 10. рзы Қырҭтәылатәи арбџьар мчқәа аоккупациа ззыруз аҳҭнықалақь аҿы ирыблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа; инықәыццышәаа ицеит урҭ рыҩныҵҟа иҵәахыз зегьы: архивтә фондқәа, иуникалтәу абиблиотека, аусзуҩцәа рнапылаҩырақәа, аҭыжьра иазырхианы иҟаз аҵарауаа русумҭақәа уҳәа уб. иҵегьы ирацәаны. Аибашьраан аԥсадгьыл ахьчараҿы иҭахеит аинститут аусзуҩцәа – М. Х. Хәарҵкьиа, В. Ф. Быҭәба, Л. М. Кәаӷәаниа. Аҟәа иалаханы иҟаз аинститут аусзуҩцәа В. Г. Арӡынба дызхагылаз Аԥсны ахьчаҩцәа иаартны ирықәыӡбарц азы аоккупациатә мчқәа изныкымкәа ишрықәмақархьазгьы, уи рзалмыршеит. Акраҵанакуан усҟан Аҟәа иаанханы иҟаз адиректор ихаҭыԥуаҩ В. В. Дарсалиа иникылаз ипозициа. 1992-1993 ш. ш. рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа иалагеит аинститут аиҭашьақәыргылара апроцесс: иҿыцны ишьақәыргылатәын аҭҵаарадырратә библиотека афондқәа. Уи аиқәыршәараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә академиа асистема иалахәу Мрагылараҭҵаара Аинститут, А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература Аинститут, Архологиатә Институт, Н. Н. Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Ринститут, иара убас Мрагыларатә жәлар рҟазара Амузеи, Пиотр Ду ихьӡ зху антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьессиеи, Ҟабарда-Балкариеи рреспубликақәа ринститутқәеи руниверситетқәеи, Ростови, Ставрополи, Краснодари атәылаҿацәқәа рҿы иҟоу аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа. Хаз игоу ԥыҭҩык аҵарауаагьы ҳамҭас аинститут иарҭеит рхатәы библиотекақәа (н. Г. Волкова, А. Х. Халиков). Урҭ ашықәсқәа рзы нап аркын имариамыз аинститут аиҭашьақәыргылара апроцесс: аматериалтә-техникатә база, архив; иалыршан имаҷымкәа аҭҵаарадырратә процессқәа раларҵәара: Аԥсны аҵакырадгьыл аҩныҵҟа археологиатәи аетнологиатәи еқспедициақәа, жәларбжьаратәи, ареспубликатәи, аинститут иатәуи аконференциақәа, аишәа гьежьқәа уҳәа убас егьырҭ аусқәа рымҩаԥгара. Акыр иазҳаит аԥсуаҭҵаара иазкны иҭыҵуаз аҭҵаарадырратә литература ахыԥхьаӡара; аинститут аҿы иаартын иҿыцу аструктуратә ҟәшақәа: аполитологиеи аконфликтологиеи, аенциклопедиеи, ахыҵхырҭеи, аспирантуреи рыҟәшақәа. Урҭ ашықәсқәа рзы акьыԥхь збаз аҭыжьымҭақәа рыҟнытә, хазы игоу авторцәа рышәҟәқәа рыдагьы, иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аколлективтә монографиақәа, аҭҵаарадырратә статиақәа реизгақәа. Аколлективтә монографиақәа рҟнытә иалукаар алшоит: «Ҳаамҭазтәи Аԥсны ақыҭа: асоциалтә-етнографиатәи антропологиатәи аҭҵаарақәа» (2006; Н. А. Дубова, В. И. Козлов, А. Н. Иамсков рредақторрала), «Кавказ ажәларқәа» рсериаҿы Британиа иҭыжьыз ашәҟәы «Аԥсуаа» (1999ш. ,аиқәыршәаҩ Џь. Ҳиуитт), Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Ринститути Аԥсуаҭҵааратә институти еицдырхиаз, нас «Ажәларқәеи акультуреи» асериаҿы иҭыжьыз «Аԥсуаа» (1-тәи аҭыжь. – 2007, 2-тәи - 2012ш. ш. ; атакзыԥ. аредакторцәа Иу. Д. Анчабаӡе, Иу. Г. Аргәын), «У111-Х1 ашә. рзы Аԥсуа аҳра аҟазара» (2011; аҭакзыԥ. Аредактор, аиқәыршәаҩы Е. Иу. Ендольцев), «Азиеи, Кавкази Урало- Поволжиеи. 1-тәи атом. Аԥсны» (2013; аҭакзыԥ. Аредактор А. Иу. Скаков). Архивтә документқәеи аматериалқәеи кьыԥхьын аҭыжьымҭақәа: «1917-1921 ш. ш. Аԥсны ахақәиҭратә ҵысра алахәцәа. Кьаразааи, Агвардиаҟаԥшьааи, апартизан ҟаԥшьааи ргәалашәарақәа» (2007; аиқәыршәаҩы А. Е. Кәыпраа, А. Ф. Аҩӡба), «Х1Х-тәи ашәышықәсазтәи (1803 – 1839) Аԥсны аҭоурых. Адокументтә материалқәа реизга», 3- томк: (1 атом. 2008; аиқәыршә. Гь. А. Ӡиӡариа), «ХУ111-Х1Х ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых иазку аматериалқәа. (1762-1859)» (2-тәи атом, 2011; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, С. Шь. Салаҟаиа,А. Ф. Аҩӡба), «Х1Х-тәи ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых иазку аматериалқәа. (1863-1874)» (3-тәи атом. 2012; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, С. Шь. Салаҟаиа,А. Ф. Аҩӡба), «Аԥсны. Адокументқәеи аматериалқәеи (1917-1921 ш. ш. )» (2009; аиқәыршә. Р. Х. Гәажәба), «Аԥсны асоветтә аамҭазтәи аҭоурых иазку аматериалқәа», 3-томкны: 1-тәи атом – Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. ) Ақыҭа. Ақыҭанхамҩа» (2012; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, 2-тәи атом - Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. ) . Жәлартә ҵарадырра. Акультура. Аҭҵаарадырра» (2012 ; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа), 3-тәи атом - Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. )» (2016; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа), «1992-1993 ш. ш. рзы Ареспублика Аԥсны амедицинатә маҵзура» (Адокументқәеи аматериалқәеи» 2018; аиқәыршә. А. Ф. Аҩӡба, Е. Г. Гегиа). Акьыԥхь рбеит апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟнытә аматериалқәа зныз ашәҟәқәа: «Аԥсни аԥсуааи Урыстәылатәи апериодикаҿы (Х1Х – ХХ ашә. алагамҭеи)», 2- шәҟәык (1-тәи ашәҟәы 2005; аиқәыршә. Р. Х. Агәажәба,Ҭ. А. Ачыгәба, 2-тәи ашәҟәы – 2008; аиқәыршә. Р. Х. Агәажәба,Ҭ. А. Ачыгәба) , «Агазеҭ «Аԥсны» (1919-1921 ш. ш. )» (2006, акьыԥхь азырх. В. Ш. Аҩӡба), «Агазеҭ «Республика Абхазия». 1992 ш. нанҳәа 14 – 1993 ш. цәыббра 30» (2017; аиқәыршә. А. Ф. Аҩӡба,В. З. Чамагәуа), «Агазеҭ «Конфедерация», 1992-1993 ш. ш. » (2018; аиқәыршә. Л. Р. Ҳагба, А. Ф. Аҩӡба). Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥгаз жәларбжьаратәи, ареспубликатәи, аинститутә конференциақәеи аԥхьарақәеи ирыбзоураны иҭыжьын хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә статиақәа реизгақәа, урҭ иреиуоуп: «Кавказтәи абызшәадырреи афольклорҭҵаареи ҳаамҭазтәи рыпроблемақәа. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор К. С. Шьаҟрыл диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа (лаҵара 28-30 1999ш. Аҟәа» (2000; аҭакз. Аред. Л. Р. Ҳагба), «Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициақәа, абызшәақәа. Лаҵара 28-31 2001 ш азы имҩаԥгаз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 75 шықәса ахыҵра иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла, Аҟәа» (2004; аҭакзыԥ. Аредактор В. Ш. Аҩӡба), «Амилаҭтә культурақәа ҳазҭагылоу аамҭазы: Алитература. Афольклор»). 2003ш. жьҭарамза 22-26 ш. азы Аҟәа имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. (2012; аҭакзыԥх. аредактор А. И. Чагин, В. Ш. Аҩӡба, А. А. Бигәаа), «Актәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа. Кавказ амшынеиқәаҿықәтәи ажәытәӡатәи акультурақәа, урҭ ргәыларатә регионқәа ркультурақәеи дареи реигәныҩра. Акультуратә ҭынха аиқәырхара. . Иу. Н. Воронов игәалашәара иазкны». (2006; аҭакзыԥ. аредактор В. В. Бжьаниа), «Аҩбатәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа. Кавказтәи ажәытәӡатәии абжьарашәышқәсатәии археологиа апроблемақәа. М. М. Ҭраԥшь игәалашәара иазкны. 2008ш. абҵара 8-12, Аҟәа» (2011; аҭакзыԥ. Ардеактор А. Иу. Скаков), «Актәи Жәларбжьаратәи Инал -иԥа иԥхьарақәа (2007ш. жьҭаара 9-12, Аҟәа)» (2011; аҭакзыԥ. аред. Ҭ. А. Ачыгәба), В. Г. Арӡынба диижьҭеи 65 шықәса аҵра иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа, «З. В. Анчабаӡе диижьҭеи 90 шықәса иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа (2010ш. лаҵара 27-28, Аҟәа)» (2012, аредактор хада С. Шь. Салаҟаиа), «Ахԥатәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа, Кавказ ажәытәӡатәии абжьарашәышықәсатәии археологиа апроблемақәа. 2011 ш. абҵара 28 - ԥхынҷкәын 1, Аҟәа). Г. К. Шамба игәалашәара иазкны» (2013; аҭакзыԥх. аредактор А. Иу. Скаков), «Кавказ имҩаԥысуаз аибашьрақәа – аҭоурых аҵатәхәқәа. 1992-1993 ш. ш. азтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 20 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. 2012 ш. абҵара 11-12, Аҟәа» (2014; аҭакзыԥх. аред. С. Шь. Салаҟаиа), «Амилаҭтә культурақәа ҳаамҭазы»: Алитература. Афольклор. (В. В. Кожинов игәалашәара иазкны). Аҩбатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа. 2012 ш. жьҭаара 15-18 2012 ш. Аҟәа» (2015; аҭакзыԥх. аред. В. А. Бигәаа, В. Ш. Аҩӡба), «Аибашьреи аҭынчреи Кавказ аҭоурых аҿы. 1992-1993 шш. азтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 20 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. (2013ш. Жьҭаара 24-26, Аҟәа» (2016; аредколлегиа), «Аҩбатәи Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа. 2011ш. жьҭаара 11-13, Аҟәа» (2016; аҭакз. аред. В. Л. Бигәаа), «Кавказ Х1Х-ХХ-тәи ашәышықәсқәа рзы аҭоурыхтә еиҭакрақәа раан; аполитикатә, асоциалтә,аинтеллектуалтә ҭоурых ирызку апроблемақәа. Г. А. Ӡиӡариа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа (2014ш. лаҵара 5-7, Аҟәа) (2016; аредколлегиа), «Аԥсны адунеитә ҭоурых аҿи жәларбжьаратәи аизыҟазаарақәа рҿи». Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. В. Г. Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны (2015ш. лаҵара 14-17, Аҟәа ақ. )»(2016; аҭакзыԥх. аред. А. Иу. Скаков), «Ахԥатәи жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа. 2016ш жьҭаара 4-6, ақ. Аҟәа» (2017; аҭакз. аред. Иу. Д. Анчабаӡе), Идыру археолог-кавказҭҵааҩы Л. Н. Соловиов игәалашәара иазкны «Кавкази Аԥсни ажәытәӡани абжьаратәи ашәышықәсқәеи рзы: акультурақәа реигәныҩра» зыхьӡу 1У –тәи Аԥснытәи археологиатә конференциа аматериалқәа. (2013 ш. абҵара 26-30, Аҟәа)» (2017ш. Аредактор хада А. И. Џьапуа), афольклорҭҵааҩы, еицырдыруа нарҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы А. А. Аншба игәалашәара иазкны жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа: «Кавказ ажәларқәа рфольклор: аҭоурыхтә ҭынхеи ҳаамҭатәи абзазаашьеи»(2016ш. жьҭаара 24-27, Аҟәа ақ. » (2019 ш; аҭакзыԥх. аредактор Ц. С. Габниа). Иахьатәи аамҭазы Аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы иҟоуп аҟәшақәа 8: абызшәатә, афольклортә, алитературатә, археологиатә, аетнологиатә,аҭоурыхтә,ахыҵхырҭатә, аполитологиатәи аконфликтологиатәи; алабораториақәа ҩба адиалектологиатәии афольклортәии; аинститу аҿы иҟоуп архивтәи аҭҵаарадырратә библиотекеи; аус руеит 105-ҩык аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, урҭ рҟнытә адокторцәа – 20. ҩык, аҭҵаарадырратә кандидатцәа -27-ҩык (2019). Алитература Бӷажәба Х. С. Аԥсуа институт аҭоурых иазкны// Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ирызку Аԥсуа институт Аусумҭақәа. ХХХ11 атом. Аҟәа, 1961; Ӡиӡариа Г. А. Аҭҵаарадырра ашәҭыкакаҷра// Аԥснытәи АССР асоветтә жәларқәа риашьаратә ҭаацәараҿы. Аҟәа, 1972; Салаҟаиа Ш. Х. Аԥсуаҭҵаара ацентр ( Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт 50 шықәса ахыҵразы), Аҟәа , 1982; Ҷоҷуа А. М. Иалкаау арҿиамҭақәа. Қарҭ, 1987; Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа русумҭақәа рҭыжьымҭа абиблиографиатә рбага (1925-2000) / аиқәыршәаҩ: Е. В. Марганиа, Л. Д. Наҷҟьебиа. Аҟәа, 2001; В. Ш. Аҩӡба Д. И. Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥсуа институт: аҭоурых, апроблемақәа, аперспективақәа// Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициақәа, абызшәақәа. (Аԥсуа Ҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа гуманитартә аҭҵаарадырратә институт 75 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла, 2001 ш. лаҵара28-31, Аҟәа2003 ш; ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара рҭҵаарадырратә усумҭақәа рбиблиографиатә рбага (1979-2004). (Аиқәыршә. Ш. С. Гәарамиа)). Аҟәа). Аҟәа, 2011; Асоветтә ҟәша иаҵанакуа Аԥсны аҭоурых аматериалқәа. Аԥсны ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931ш. ш. ). Жәлартә ҵара. Акультура. Аҭҵаарадырра. Атехникатә ааглыхра. (Аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа). Аҟәа, 2015; Арӡынба В. Г. Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт аперспективақәеи апроблемақәеи Арӡынба В. Г. Аусумҭақәа реизга. Х-томкны иҟоу. 11 атом. Кавказтәи амифқәеи, абызшәақәеи, аетносқәеи. М. Аҟәа, 2015. Акатегориа:Дырмит Гәлиа Акатегориа:Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
33748
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аҟалмыҟ_бызшәа
Аҟалмыҟ бызшәа
'''Аҟалмыҟ бызшәа''' ({{lang-ru|калмыцкий язык}}) ([[Тодо бичиг]]: {{MongolUnicode|ᠬᠠᠯᠢᠮᠠᠭ ᡘᡄᠯᠨ|style=max-height:1.5em;word-wrap:normal}})<ref>{{Аурыс-аԥсуа жәар (2016)|1|577}}</ref><ref>{{Аԥсуа-аурыс жәар (2005)}}</ref>. == Аҟалмык алфавит == {| style="font-family:Arial Unicode MS; font-size:1.4em; border-color:#000000; border-width:1px; border-style:solid; border-collapse:collapse; background-color:#F8F8EF" | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | А а | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ә ә | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Б б | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | В в | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Г г | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Һ һ | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Д д | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Е е | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ё ё |- | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ж ж | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Җ җ | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | З з | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | И и | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Й й | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | К к | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Л л | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | М м | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Н н |- | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ң ң | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | О о | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ө ө | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | П п | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Р р | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | С с | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Т т | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | У у | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ү ү |- | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ф ф | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Х х | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ц ц | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ч ч | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ш ш | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Щ щ | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ъ ъ | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ы ы | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ь ь |- | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Э э | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Ю ю | style="width:3em; text-align:center; padding: 3px;" | Я я |||||||||||| |} == Азгәаҭақәа ==
Аҟалмыҟ бызшәа () (Тодо бичиг: ). Аҟалмык алфавит А а Ә ә Б б В в Г г Һ һ Д д Е е Ё ё Ж ж Җ җ З з И и Й й К к Л л М м Н н Ң ң О о Ө ө П п Р р С с Т т У у Ү ү Ф ф Х х Ц ц Ч ч Ш ш Щ щ Ъ ъ Ы ы Ь ь Э э Ю ю Я я Азгәаҭақәа
33991
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кувеит
Кувеит
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Кувеит абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Кувеит агерб |агимн=National anthem of Kuwait (instrumental).ogg |агимн ирызку адаҟьа = Кувеит агимн |амаҵураҭыԥ1=Аемир |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=6}} '''Кувеит''' ({{lang-ar|الكويت [ель-Кувеит]}}), аофициалтә хьӡы: '''Кувеит Аҳәынҭқарра''''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 256 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-ar|دولة الكويت [Даулату-ль-Кувеит]}}) — Мраҭашәара-[[азиа]]тәи атәыла. Иҟоуп [[Мрагыларатәи Арабсҭан]] аҩадатәи аҭыԥхәҭаҿы [[Аџьамтә ӡыбжьахала]] ага иқәу. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Кувеит| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Амонархиақәа]] [[Акатегориа:Аемиратқәа]] [[Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа]]
Кувеит (), аофициалтә хьӡы: Кувеит Аҳәынҭқарра' () — Мраҭашәара-азиатәи атәыла. Иҟоуп Мрагыларатәи Арабсҭан аҩадатәи аҭыԥхәҭаҿы Аџьамтә ӡыбжьахала ага иқәу. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Амонархиақәа Акатегориа:Аемиратқәа Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа
33989
https://ab.wikipedia.org/wiki/Камбоџа
Камбоџа
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Камбоџа абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Камбоџа агерб |агимн=United States Navy Band - Nokoreach.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Камбоџа агимн |амаҵураҭыԥ1=Акрал |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=5}} '''Камбоџа''' ({{lang-km|កម្ពុជា, [Кампучиа]}}), аофициалтә хьӡы: '''Камбоџа Акралра'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 250 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-km|ព្រះរាជាណាចក្រកម្ពុជា, [Приаҳ Реачеаначакр Кампучиа]}}) — атәыла алада-мрагыларатәи [[Азиа]]ҿы, алада [[Индокитаи]] [[адгьылбжьахабжа]]. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Камбоџа| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Амонархиақәа]]
Камбоџа (), аофициалтә хьӡы: Камбоџа Акралра () — атәыла алада-мрагыларатәи Азиаҿы, алада Индокитаи адгьылбжьахабжа. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Амонархиақәа
34888
https://ab.wikipedia.org/wiki/Рухитә_абаа
Рухитә абаа
{{Акарточка анхарҭаҭыԥ |zoom1=13}} '''Рухитә абаа''' ({{lang-ka|რუხის ციხე}}) — абжьарашәышықәсатәи абааш амраҭашәаратә [[Қырҭтәыла]] аҟны (уажәтәи [[Жәыргьыҭ]] араион, ақыҭа рухи аҵакыраҿы, аӡиас Игры армарахьтәи аҿықә). Иргылеит Гыртәыла Аҳ Леван II – тәи Дадиани Вахушти Багратиони (XVIII) идыррала, идыргылеит [[1647]] азы, аха иҟоуп агәаанагара, абаа дыргылеит 10 шықәс раԥхьа. Рухтәи абаа Гыртәыла ахадара змаз афортификациатә ргыларан, насгьы иахьгылаз аҭыԥ уи иацхраауан. Уи иамоуп ахырӷәӷәарҭа, ҵаҟатәи ашҭеи. Ахырӷәӷәага абаа амрагыларатә ахәҭа аҟны иҟоуп. Уи еицыхәхәоу ашҭа аҩ-нҵәамҭақәа рҿы баашк-баашк гылоуп. Руакы аҩада-амрагыларатә аган игылоу абаа донжон акәын. Абаа ҵаҟатәи ашҭа ахәы аладатәи адырԥарақәа акуп. Абаа иаакәыршаны 10-12 м. змоу иҵааулоу аанда, Рухтәи абаа ҵаҟатәи ахәҭа 8-10 м аҳракыраҿы ишәаҳауп, хыхьтәи ахәҭаҿы ақәԥаратә мҩахәасҭақәа алгоуп. Аҭаларҭа аанда иалаҟаҵоу абааш I-тәи аихагылаҿ иҟоуп. Аннда алада-амраҭашәара ахәҭала даҽа баашк иргылаҿ иаман артилериатә ауасҭага. [[1634]]-[[1635]] шықәсқаә рзы араҟа рабаҭтәи анхарагьы цәырҵит, уи ирласны еилаҳаит. [[1672]] шықәсазы Рухтәи абаа аҟны османцәа рыҟнытә ихы ихьчоан Леван III-тәи дадиани [[1723]] шықәсазы абаа аосмантәи рнапаҿы иҟан. Аамҭаказ араҟа урҭ рганизонгьы ыҟан. [[1770]] Қырҭтәыла аурыс еидкылаз ар Рухитәи абаа ахы иақәнатәит. [[1779]] Рухтәи абаа аҟны ИмереҭГыртәыла-Гәриа еидкылаз ар османцәа аҵанархеит (Рухитәи аиқәԥара 1779). Ҟрымтәи аибашьра ([[1853]]-[[1856]]) аамҭаз, [[1885]], Рухи ааигәа-сигәа аурыс арбџьармчқәеи ақырҭуа милициеи иаҵадырхит османтәи аекспедициатә корпус. Анаҩс Рухтәи абаа ессаира иацәыӡуан ахыннатә иамаз ахадара. == Алитература == * ბერაძე თ., ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 8, თბ., 1984. — გვ. 519. * ოსმალური დოკუმენტური წყაროები ანაკლიისა და რუხის ციხეების შესახებ (XVII-XVIII სს), თურქული ტექსტი ქართული თარგმანით, შესავლით, ტერმინოლოგიური ლექსიკონით, ფაქსიმილეებითა და საძიებლით გამოსაცემად მოამზადა ნ. შენგელიამ, თბ., 1982 * ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ქალაქები და ციხეები, თბ., 1973; == Азхьарԥшқәа == * [https://memkvidreoba.gov.ge/objects/immovable/immovableObject?id=8441 კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 8441] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу абаақәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу ахыжәжәарақәа]] [[Акатегориа:Жәыргьыҭ]]
Рухитә абаа () — абжьарашәышықәсатәи абааш амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны (уажәтәи Жәыргьыҭ араион, ақыҭа рухи аҵакыраҿы, аӡиас Игры армарахьтәи аҿықә). Иргылеит Гыртәыла Аҳ Леван II – тәи Дадиани Вахушти Багратиони (XVIII) идыррала, идыргылеит 1647 азы, аха иҟоуп агәаанагара, абаа дыргылеит 10 шықәс раԥхьа. Рухтәи абаа Гыртәыла ахадара змаз афортификациатә ргыларан, насгьы иахьгылаз аҭыԥ уи иацхраауан. Уи иамоуп ахырӷәӷәарҭа, ҵаҟатәи ашҭеи. Ахырӷәӷәага абаа амрагыларатә ахәҭа аҟны иҟоуп. Уи еицыхәхәоу ашҭа аҩ-нҵәамҭақәа рҿы баашк-баашк гылоуп. Руакы аҩада-амрагыларатә аган игылоу абаа донжон акәын. Абаа ҵаҟатәи ашҭа ахәы аладатәи адырԥарақәа акуп. Абаа иаакәыршаны 10-12 м. змоу иҵааулоу аанда, Рухтәи абаа ҵаҟатәи ахәҭа 8-10 м аҳракыраҿы ишәаҳауп, хыхьтәи ахәҭаҿы ақәԥаратә мҩахәасҭақәа алгоуп. Аҭаларҭа аанда иалаҟаҵоу абааш I-тәи аихагылаҿ иҟоуп. Аннда алада-амраҭашәара ахәҭала даҽа баашк иргылаҿ иаман артилериатә ауасҭага. 1634-1635 шықәсқаә рзы араҟа рабаҭтәи анхарагьы цәырҵит, уи ирласны еилаҳаит. 1672 шықәсазы Рухтәи абаа аҟны османцәа рыҟнытә ихы ихьчоан Леван III-тәи дадиани 1723 шықәсазы абаа аосмантәи рнапаҿы иҟан. Аамҭаказ араҟа урҭ рганизонгьы ыҟан. 1770 Қырҭтәыла аурыс еидкылаз ар Рухитәи абаа ахы иақәнатәит. 1779 Рухтәи абаа аҟны ИмереҭГыртәыла-Гәриа еидкылаз ар османцәа аҵанархеит (Рухитәи аиқәԥара 1779). Ҟрымтәи аибашьра (1853-1856) аамҭаз, 1885, Рухи ааигәа-сигәа аурыс арбџьармчқәеи ақырҭуа милициеи иаҵадырхит османтәи аекспедициатә корпус. Анаҩс Рухтәи абаа ессаира иацәыӡуан ахыннатә иамаз ахадара. Алитература ბერაძე თ., ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 8, თბ., 1984. — გვ. 519. ოსმალური დოკუმენტური წყაროები ანაკლიისა და რუხის ციხეების შესახებ (XVII-XVIII სს), თურქული ტექსტი ქართული თარგმანით, შესავლით, ტერმინოლოგიური ლექსიკონით, ფაქსიმილეებითა და საძიებლით გამოსაცემად მოამზადა ნ. შენგელიამ, თბ., 1982 ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ქალაქები და ციხეები, თბ., 1973; Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 8441 Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу абаақәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу ахыжәжәарақәа Акатегориа:Жәыргьыҭ
34886
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ноқалақьеви
Ноқалақьеви
{{Акарточка анхарҭаҭыԥ |zoom1=13}} '''Ноқалақьеви''' ({{lang-ka|ნოქალაქევი}}), иара убас '''Архиополис''' ({{lang-grc|}} Αρχαιόπολις, «Ажәытә қалақь»), ақырҭуа хыҵхырҭақәа рыла '''Цихегоџьи''' (гыршә. Џьихақвинџьи) — аҭоурыхтә абаа-ақалақь амраҭашәаратә [[Қырҭтәыла]] аҟны, [[Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла|Гыртәыла]], аӡиас [[Техура]] армарахьтәи аҿықә аҟны. Ари аҭыԥ аҿы уаанӡа ахадара ду змаз [[Ақырҭцәа|ақырҭуа]] қалақь ыҟан. [[Римтәи аимпериа|Римтәи]], [[Византиатәи аимпериа|Византиатәи]] аҭоурыхҭҵааҩцәа уи азын иргәаладыршәоин Археополис еиԥш, аха еиҳа изааны ақырҭуа хроникақәа рҿы уи Цихегоџьи (Қәуџьи ибаа) – ахьӡын. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла, иргылит Егирстәи аҭауад Қәуџьи (ажә. шәы. III–шәышқәса алагамҭаз). Абаа – ақалақь аргылара астратегиагь хықәкылеи, уаҟа инхоз рырацәареи имамадан. Цихегоџьи амрагыларатәи Қырҭтәыла Егристәи аҳраҿ (Лазика) аҳҭнықалақьын IV-VIII-тәи ашәышқәсақәы рзы. Византиеи Аџьамтәи аимпериақәа рыбжьара Лазтәи аибашьрақәа ([[542]]-[[562]]) иара абри ақалақь ааигәа-сигәа имҩаԥысуан. Араҟа иҟалит Археополистәи аибашьра. Аибашьра аан аџьамцәа Цихегоџьи хынтә иажәылеит, ахынтә раан ирылшеит ақалақь агара ([[554]]), аха ақалақь иаарласны еиҭах ирымпыҵаркит византитә - лазаа рымчқәа. [[737]]-[[738]] шықәсқәа рзы ақалақь арабцәа рар еиҳабы Мурван ибн Муҳамед (Мурван адагәа) ирбгеит. Еснагь идырбгоз, иқәырхоз ақалақь, уи иахҟьаны Цихегоџьи иӷархеит, икаҳаит, иқыҭа хәыҷхеит. Ақыҭа еиҭах ашәра аԥшааит XVI-тәи ашәышықәсазы, Гыртәылатә аҳра араҟа иреиӷьӡаз аханқәа рыргылара ианалага. XVI-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы – Одишьтәи Аҳцәа – Дадианаа рреизиденциа акәын [[Афаил:Nokalakevi10.jpg|250px|мини]] [[Афаил:Nokalakevi100.jpg|250px|мини|Ҩынҩажәаҩык аргәаҟцәа руахәама.]] == Археологиатә жырақәа == Нақалақьевитәи археологиатә ҭҵаарақәа иырлагеит [[1930]]-[[1931]] шықәсқәа рзы академик Ив. Џьавахишвили иаԥшьгарала. Ажырақәа мҩаԥысуеит [[1973]] шықәса ианркны. Ноқалақьевтәи аҵакырадгьыл аҟны анхара ашьҭақәа убоит ажә. шәш. I-тәи азқьышықәса алагамҭа инаркны. Анхара аинтесивтәхит ажә. шәш. V-IV-тәи ашәышықәсақәа инаркны. Ақалақь 3 хәҭык рыла ишьақәгылоуп (аҵакыра зегьы 15 га.) иаакәыршаны агәара-ахыхьчара аман. Ахәҭа хада ыҟан аӡиас аҿықәан, агарнизон аҭыԥ ыҟан аҿҟьараҿы, аҩнуҵҟатәи абааш (ацитадель) – ашьха ақәцәан. Ҵаҟатәи абааш аҵакыраҿы иԥшаан Егристә аҳра IV-тәи ашәышқәса иаҵанакуа ахани, V-тәи ашәышқәсатә х-нышьак змоу абазиликатә ргылара. VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ихәыҷыз х-нышьак змоу абазилик, анаҩс уи аҟәырӷ змаз ауахәама алырхит, уи аамҭатәи Аҳ ихан, абааштә агәашәхәҷи, 2 ҽыкәабарҭеи егьырҭ аргыларақәеи. Аргыларақәа зегьы ргылан ахаҳәцәлеи ма усҟак ицәымз ахаҳәқәеи рыла. Адуӡӡарала иалукаауеит Егристәи Аҳцәа аҩбатәи х-еихагылак иҟоу ахан. Ақалақь аҟны 2 – ҽыкәабарҭак аҟазаара ианарԥшоит абзазаратә нхамҩа аҳракыра ду шамаз. Урҭ руакы амасштаб ду змоу, ицәгьоу акомпозициа змоу еиқәҟаца иҟаз ргыларан. Қырҭтәыла ажрақәа рыла абраҭ аамҭақәа рзы иԥшаау аҽыкәабарҭақәа реиԥш, уи ацентралтәи арԥхарҭа аилазаара ала иргылоуп. Ақалақь аӷәӷәаратә аилазаара арелиеф иақәнаго ала иӡбан. Аӡиас аган ала аладалеи, ҩадалеи аҿҟьараҿ, ацаҟьа аҟны ҭӡы заҵәык ауп иамоу. Аӷа изы имарианы имнеираз амрагыларатәи аган аҟны еицнеиуа иргылоуп 3-ҭӡык, абаахырӷәӷәарҭа 3-га инеиҳаны аҵакыра амоуп. Абаагәара аҟны иалаҟаҵоуп 2-баашк, урҭ рҟнытә руакы (аҿыц «Џьихад» ахьӡуп) Колхеҭтәи алаҟәырақәа, аҩадатәи аган ала иахылаԥшуан. Абаахырӷәӷәарҭа заатәи афеодалтә аамҭазтәи ихәҷу азал змоу ауахәама гылоуп. Ажрақәа ахадара змоу археологиатә маҭәахәы цәырнагеит Ноқалақьевии, уи ааигәы сигәагьы. Акерамика аиҳарак аҭыԥын ирмазеиуп, аха иҟоуп аимпорттәигьы (урҭ ируакуп IVVII-тәи ашәышықәсатә амфорақәа). Иԥшаауп ажә. шәш. IV-III-тәи ашәышықәсақәа асахьақәа зну ахаҳәцәқәа. Аԥсцәа шьҭан аҳаԥшьа-нышәынҭрақәа рҿы, ус баша, рҿы иаҿакын колхтәи аԥара ҿырпы-ҭеҭри. Аҭыԥынтәии арахь иаагаз акерамика рыдагьы иԥшаан аџьазтә напхаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, амонетақәа уҳәа убас егь. Ажырҭақәа руакы аҟны иԥшаан аҟазаратә уаҳа иуԥымло аҟаҵамҭақәа: елинтәи аканҭароси, акәаԥ еиқәаҵәа змаз ажәыга. Ус иаку аԥшаарақәа ируакуп аԥсҭалых акнаҳага, уи иамоуп аџьарԥшра змоу амонограмма, ахәымпал хқәа, аԥса хқәы, абҩатәи, ахьтәи монетақәа уҳәы уб.егь. Иазгәаҭатәуп Византиатә аимператор Маврикиос ([[582]]-[[622]]) ихьӡала иԥҟоу 23 ахьтәы монета ҭаҵәах. Аҭыԥынтәи акерамика иацны атәым аԥшаара Егриси, Нақалақьеви атәым тәылақәа рҟны аҿиара змаз ахәаахәҭрааекономикатә аимадарақәа шьақәнарӷәӷәоит. Нақалақьевтәи аҵакыра аҟны усҟак ирацәамкәа иԥшаауп XVI-XVIII-тәи ашәышықәсатә амаҭәахәқәа. [[2006]] шықәса [[абҵара 7]] азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа.<ref>{{Cite web |url=https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220 |title=საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ |access-date=2023-08-25 |archive-date=2019-07-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20190701154918/https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220 |url-status=dead }}</ref> == Алитература == * ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 7, თბ., 1984. — გვ. 482. * ზაქარაია პ., ლომოური ნ., ლიქვინაძე ს., ნოქალაქევის ექსპედიციის 1973 წლის მუშაობის მოკლე ანგარიში, წიგნ.,:საქართველოს სახელმწიფო მუზეუმის არქეოლოგიური ექსპედიციები, ტ. 4, თბ., 1975 * ლომოური ნ., ეგრისის სამეფოს ისტორია, თბ., 1968 * „საქართველოს არქეოლოგია“ / რედ: აფაქიძე ა., თბილისი: თბილისის სახელმწიფო უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1959. — გვ. 357-358. * ყაუხჩიშვილი ს.|, ლექციები ბიზანტიის ისტორიიდან, ტ. 1, თბ., 1948 * ყაუხჩიშვილი ს., ბიზანტიელი მწერლების ცნობები საქართველოს შესახებ, ტ. III, ტფილისი: ტფილისის უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1936. — გვ. 318-320. == Азхьарԥшқәа == * [https://memkvidreoba.gov.ge/objects/immovable/immovableObject?id=5153 კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 5153] * [http://www.nokalakevi.org: 2004 წლის ინგლისურ-ქართული ექსპედიცია ნოქალაქევში] == Ахьарԥшқәа == {{reflist}} [[Акатегориа:Қырҭтәыла аҭоурых]] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу амузеиқәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу археологиатә обиектқәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аблахкыгарҭақәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу ахыбрақәеи аргыламҭақәеи]] [[Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла]]
Ноқалақьеви (), иара убас Архиополис ( Αρχαιόπολις, «Ажәытә қалақь»), ақырҭуа хыҵхырҭақәа рыла Цихегоџьи (гыршә. Џьихақвинџьи) — аҭоурыхтә абаа-ақалақь амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны, Гыртәыла, аӡиас Техура армарахьтәи аҿықә аҟны. Ари аҭыԥ аҿы уаанӡа ахадара ду змаз ақырҭуа қалақь ыҟан. Римтәи, Византиатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа уи азын иргәаладыршәоин Археополис еиԥш, аха еиҳа изааны ақырҭуа хроникақәа рҿы уи Цихегоџьи (Қәуџьи ибаа) – ахьӡын. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла, иргылит Егирстәи аҭауад Қәуџьи (ажә. шәы. III–шәышқәса алагамҭаз). Абаа – ақалақь аргылара астратегиагь хықәкылеи, уаҟа инхоз рырацәареи имамадан. Цихегоџьи амрагыларатәи Қырҭтәыла Егристәи аҳраҿ (Лазика) аҳҭнықалақьын IV-VIII-тәи ашәышқәсақәы рзы. Византиеи Аџьамтәи аимпериақәа рыбжьара Лазтәи аибашьрақәа (542-562) иара абри ақалақь ааигәа-сигәа имҩаԥысуан. Араҟа иҟалит Археополистәи аибашьра. Аибашьра аан аџьамцәа Цихегоџьи хынтә иажәылеит, ахынтә раан ирылшеит ақалақь агара (554), аха ақалақь иаарласны еиҭах ирымпыҵаркит византитә - лазаа рымчқәа. 737-738 шықәсқәа рзы ақалақь арабцәа рар еиҳабы Мурван ибн Муҳамед (Мурван адагәа) ирбгеит. Еснагь идырбгоз, иқәырхоз ақалақь, уи иахҟьаны Цихегоџьи иӷархеит, икаҳаит, иқыҭа хәыҷхеит. Ақыҭа еиҭах ашәра аԥшааит XVI-тәи ашәышықәсазы, Гыртәылатә аҳра араҟа иреиӷьӡаз аханқәа рыргылара ианалага. XVI-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы – Одишьтәи Аҳцәа – Дадианаа рреизиденциа акәын 250px|мини 250px|мини|Ҩынҩажәаҩык аргәаҟцәа руахәама. Археологиатә жырақәа Нақалақьевитәи археологиатә ҭҵаарақәа иырлагеит 1930-1931 шықәсқәа рзы академик Ив. Џьавахишвили иаԥшьгарала. Ажырақәа мҩаԥысуеит 1973 шықәса ианркны. Ноқалақьевтәи аҵакырадгьыл аҟны анхара ашьҭақәа убоит ажә. шәш. I-тәи азқьышықәса алагамҭа инаркны. Анхара аинтесивтәхит ажә. шәш. V-IV-тәи ашәышықәсақәа инаркны. Ақалақь 3 хәҭык рыла ишьақәгылоуп (аҵакыра зегьы 15 га.) иаакәыршаны агәара-ахыхьчара аман. Ахәҭа хада ыҟан аӡиас аҿықәан, агарнизон аҭыԥ ыҟан аҿҟьараҿы, аҩнуҵҟатәи абааш (ацитадель) – ашьха ақәцәан. Ҵаҟатәи абааш аҵакыраҿы иԥшаан Егристә аҳра IV-тәи ашәышқәса иаҵанакуа ахани, V-тәи ашәышқәсатә х-нышьак змоу абазиликатә ргылара. VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы ихәыҷыз х-нышьак змоу абазилик, анаҩс уи аҟәырӷ змаз ауахәама алырхит, уи аамҭатәи Аҳ ихан, абааштә агәашәхәҷи, 2 ҽыкәабарҭеи егьырҭ аргыларақәеи. Аргыларақәа зегьы ргылан ахаҳәцәлеи ма усҟак ицәымз ахаҳәқәеи рыла. Адуӡӡарала иалукаауеит Егристәи Аҳцәа аҩбатәи х-еихагылак иҟоу ахан. Ақалақь аҟны 2 – ҽыкәабарҭак аҟазаара ианарԥшоит абзазаратә нхамҩа аҳракыра ду шамаз. Урҭ руакы амасштаб ду змоу, ицәгьоу акомпозициа змоу еиқәҟаца иҟаз ргыларан. Қырҭтәыла ажрақәа рыла абраҭ аамҭақәа рзы иԥшаау аҽыкәабарҭақәа реиԥш, уи ацентралтәи арԥхарҭа аилазаара ала иргылоуп. Ақалақь аӷәӷәаратә аилазаара арелиеф иақәнаго ала иӡбан. Аӡиас аган ала аладалеи, ҩадалеи аҿҟьараҿ, ацаҟьа аҟны ҭӡы заҵәык ауп иамоу. Аӷа изы имарианы имнеираз амрагыларатәи аган аҟны еицнеиуа иргылоуп 3-ҭӡык, абаахырӷәӷәарҭа 3-га инеиҳаны аҵакыра амоуп. Абаагәара аҟны иалаҟаҵоуп 2-баашк, урҭ рҟнытә руакы (аҿыц «Џьихад» ахьӡуп) Колхеҭтәи алаҟәырақәа, аҩадатәи аган ала иахылаԥшуан. Абаахырӷәӷәарҭа заатәи афеодалтә аамҭазтәи ихәҷу азал змоу ауахәама гылоуп. Ажрақәа ахадара змоу археологиатә маҭәахәы цәырнагеит Ноқалақьевии, уи ааигәы сигәагьы. Акерамика аиҳарак аҭыԥын ирмазеиуп, аха иҟоуп аимпорттәигьы (урҭ ируакуп IVVII-тәи ашәышықәсатә амфорақәа). Иԥшаауп ажә. шәш. IV-III-тәи ашәышықәсақәа асахьақәа зну ахаҳәцәқәа. Аԥсцәа шьҭан аҳаԥшьа-нышәынҭрақәа рҿы, ус баша, рҿы иаҿакын колхтәи аԥара ҿырпы-ҭеҭри. Аҭыԥынтәии арахь иаагаз акерамика рыдагьы иԥшаан аџьазтә напхаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, амонетақәа уҳәа убас егь. Ажырҭақәа руакы аҟны иԥшаан аҟазаратә уаҳа иуԥымло аҟаҵамҭақәа: елинтәи аканҭароси, акәаԥ еиқәаҵәа змаз ажәыга. Ус иаку аԥшаарақәа ируакуп аԥсҭалых акнаҳага, уи иамоуп аџьарԥшра змоу амонограмма, ахәымпал хқәа, аԥса хқәы, абҩатәи, ахьтәи монетақәа уҳәы уб.егь. Иазгәаҭатәуп Византиатә аимператор Маврикиос (582-622) ихьӡала иԥҟоу 23 ахьтәы монета ҭаҵәах. Аҭыԥынтәи акерамика иацны атәым аԥшаара Егриси, Нақалақьеви атәым тәылақәа рҟны аҿиара змаз ахәаахәҭрааекономикатә аимадарақәа шьақәнарӷәӷәоит. Нақалақьевтәи аҵакыра аҟны усҟак ирацәамкәа иԥшаауп XVI-XVIII-тәи ашәышықәсатә амаҭәахәқәа. 2006 шықәса абҵара 7 азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа. Алитература ზაქარაია პ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 7, თბ., 1984. — გვ. 482. ზაქარაია პ., ლომოური ნ., ლიქვინაძე ს., ნოქალაქევის ექსპედიციის 1973 წლის მუშაობის მოკლე ანგარიში, წიგნ.,:საქართველოს სახელმწიფო მუზეუმის არქეოლოგიური ექსპედიციები, ტ. 4, თბ., 1975 ლომოური ნ., ეგრისის სამეფოს ისტორია, თბ., 1968 „საქართველოს არქეოლოგია“ / რედ: აფაქიძე ა., თბილისი: თბილისის სახელმწიფო უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1959. — გვ. 357-358. ყაუხჩიშვილი ს.|, ლექციები ბიზანტიის ისტორიიდან, ტ. 1, თბ., 1948 ყაუხჩიშვილი ს., ბიზანტიელი მწერლების ცნობები საქართველოს შესახებ, ტ. III, ტფილისი: ტფილისის უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1936. — გვ. 318-320. Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 5153 2004 წლის ინგლისურ-ქართული ექსპედიცია ნოქალაქევში Ахьарԥшқәа Акатегориа:Қырҭтәыла аҭоурых Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу амузеиқәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу археологиатә обиектқәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аблахкыгарҭақәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу ахыбрақәеи аргыламҭақәеи Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла
34887
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мартвилтәи_аберҭыԥ
Мартвилтәи аберҭыԥ
[[Афаил:Martvili_monastery1.jpg|250px|мини]] '''Мартвилтәи аберҭыԥ''' ({{lang-ka|მარტვილის მონასტერი}}) — заатәи абжьаратә шәышықәсатәи ақьырсиантә ныхабаа, аберҭытә комплеқс [[Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла]] аган Мартвилтә амуниципалитет аҟны ақалақь Мартвил аҟны. == Иахьыҟоу аҭыԥ == Аберҭыԥтә комплекқс гылоуп Мартвилтәи амуниципалитет агәҭа азааигәара ишьҭыху ахәы аҟны. Ашьха ашьапы аҟны рҽырҭбааны ииасуа аӡиас Цхенисҵҟарои, аӡиас Абашеи рыдәқәа. Аберҭыԥ аҟнытә иубоит [[Имереҭи]], [[Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла|Гыртәылеи]]. Уи иаакәыршаны абаагәара амоуп. Аныхабаа хада Анцәадзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡуп. == Аҭоурых == Иаҳзымдыруа аамҭақәа раан Ҷҟондиди амырҭаҭтә динхаҵара центрс иҟан. Ахәы аҟны игылан абомон аџь ҵла дууӡӡа. Уи аҿиареи, аизырҳареи, аҭаацәа рыбзабааи зыхьчо капуниатә амырҭаҭтә ныҳәарҭан, уи араҟ инхоз ауаа иамҵахырхәон, араатәи аныхаԥааҩцәа аԥшқацәа ԥсаҭатәс иарҭон. Раԥхьаӡатәи ауахәама араҟа игылаз аџь аҭыԥан идыргылеит (аамҭарба дырм) Андриа Аԥхьанаԥхьаҩ ихьӡала, уи Гыртәыла ақьырсианра алеигалеит. VII-тәи ашәышқәсазы иргылан Мартвил-Ҷҟондидитә аныхабаа уи ари аныҳәарҭа-ԥшьа аҭыԥ аҟны игылаз–ихырҵәаз аџь адацқәа ашьаҭахеит. Аныхабаа ахыннатә аџьар еиԥшыз аргылара акәын. Аҭырқәа-аџьамцәа рқәыларақәа раан акыр аԥырхага аиыуит. X-тәи ашәышқәсазы Гьаргь аҩбатәи ҿыц иргылеит уи. Иҟоу агәаанагарала иара убри азын анҵамҭа «Қарҭлитә аԥсҭазаара» Гьаргь иргылаз ауп, Мартвилтәи ауахәама ҳәа. Аҳ Гьаргь аныхабаа аԥскәабзтә кафедратә уахәамас ишьақәиргылит. Аныхабаа аџьар амахәқәа дырбгеит, аеквдерқәа аддыргылеит. Амрагылара аган ала еиҳа идуыз аҭаҩа дыргылеит. Ауахәама иазаанхит Мартвили, аԥскәабзцәа Ҷҟондидели рыхьӡын. [[Афаил:Martvili cathedral fresco detal - 2.jpg|250px|мини]] == Архитектура == Мартвилтәи аныхабаа планла акыр еиԥшуп Мцхеҭатәи Аџьар уахәама, аха еиҭаҟаҵам. Араҟа аргылаҩы зхыиақәиҭу интерпритациа ихы иаиырхәеит, зынӡагьы ихьԥшым асахьаркыратә аԥҵамҭақәа аԥиҵеит. Аргылара аплан ахь иалаҵоуп аԥсахрақәа: аҟәырӷ акәырша еиҳа ихәҷуп, акәакь аҭаҩақәа–еиҳа идууп. Идууп аԥсидқәа рмахәарқәа роура, ирдууп акәакь аҿаԥшьырақәа. Иара убас иԥсахуп аԥшьарца аҟнытә акәакьрацәатә аҟәарӷ ирықәгылоу аилазаара – атромпқәа араҟа дара-дара еиҟьымсуа акамара хәыҷқәа рыла еиқәыршәоу амардуан ԥшра амоуп. Мартвилтәи аныхабаа Џьвари еиҳа ишыхәҷугьы, иҷыдоу ахҭақәа рҿарԥшырала аԥсахрақәа рыла ишьақәыргылоу идуу, иласу ақәыԥшылара амоуп, даҽа реилиефк змоу аҿаԥшыларалагьы. Хазы иҟоу ихьԥшым акомпозициақәа рцынхәрас араҟа еицу афризқәа амоуп, аргылара аҟазшьа акәзар еиҳа ирԥшӡагатәиуп. Афигурақәеи аҵиаақәеи рыла иҟаҵоу аџьоуҳартә еизаку сахьаҿы иалаҵоу, иҷыдоу аритм аихыгара иаҵанакуеит. Ажәақәа рҿы Абиблиеи, Евангелиатә асиужетқәеи рнуп (иаҳҳәап Даниатәи алымқәа реисра, Самсони алыми, Қьырса ишьҭыхра 4–ҩык амаалықьцәа рыла уҳәа уб. егь.) X–тәи ашәышқәсазы, Аԥсуа Аҳ Гьаргь II-тәи иаамҭазы, ауахәама ишьаҭаркны еиҭадыргылеит: иацырҵит адәахьытәи аҭыӡқәа, иахадыргылеит аҿыц аҟәырӷ ахәдақәа, убри аҟнытә уи адәахьала аџьар еиԥшу абаҟа акәӡам. Амраҭашәаратә егвтеригьы X-тәи ашәышқәса иаҵанакуеит. Аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы (XVI-XVII ашә.) рзы иҭыхуп. Аныхабаа аҟны иаанханы иҟоуп XIV, XVI, XVII-тәи ашәышқәса иртәу аҭӡысахьақәа. Уи зырԥшӡо аныҳәарҭа аконг аҟны иҟоу Мартвилтәи Анцәадзыхшаз. Аныхабаа аган аҟны игылоуп ихәҷу ҩ-еихагылак змоу ауахәама (X–тәи аш.). Аберҭыԥ анҵамҭақәа руакы аҟны иануп Дадианиаа рышьҭра иатәу Кациа Чиқовани. [[2006]] шықәса [[абҵара 7]] азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа.<ref>{{Cite web |url=https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220 |title=საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ |access-date=2023-08-25 |archive-date=2019-07-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20190701154918/https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220 |url-status=dead }}</ref> == Алитература == * ბერაძე თ., მენაბდე ლ., საღარაძე შ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 6, თბ., 1983. — გვ. 458. * ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974; * ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხელოვნების ისტორია, ტ. 1, ტფ., 1936; * თაყაიშვილი ე., „არხეოლოგიური მოგზაურობიდან სამეგრელოში“ // ძველი საქართველო, ტ. III, ტფილისი: ელექტრო მბეჭდავი სტამბა სპირიდონ ლოსაბერიძის, 1914. — გვ. 39-128. == Азхьарԥшқәа == * [https://memkvidreoba.gov.ge/objects/immovable/immovableObject?id=5171 კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 5171] *[http://www.nplg.gov.ge/publishers/monument/index.php?do=view&id=306 მარტვილის ტაძარი |  საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი] *[http://www.nplg.gov.ge/publishers/fotoebi/index.php?do=view&id=1097 მარტვილი: ღვთისმშობლის სახ. საკათედრო ტაძარი | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა] == Ахьарԥшқәа == {{reflist}} [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аиашахаҵаратә берҭыԥқәа]] [[Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла]]
Мартвилтәи аберҭыԥ () — заатәи абжьаратә шәышықәсатәи ақьырсиантә ныхабаа, аберҭытә комплеқс Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аган Мартвилтә амуниципалитет аҟны ақалақь Мартвил аҟны. Иахьыҟоу аҭыԥ Аберҭыԥтә комплекқс гылоуп Мартвилтәи амуниципалитет агәҭа азааигәара ишьҭыху ахәы аҟны. Ашьха ашьапы аҟны рҽырҭбааны ииасуа аӡиас Цхенисҵҟарои, аӡиас Абашеи рыдәқәа. Аберҭыԥ аҟнытә иубоит Имереҭи, Гыртәылеи. Уи иаакәыршаны абаагәара амоуп. Аныхабаа хада Анцәадзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡуп. Аҭоурых Иаҳзымдыруа аамҭақәа раан Ҷҟондиди амырҭаҭтә динхаҵара центрс иҟан. Ахәы аҟны игылан абомон аџь ҵла дууӡӡа. Уи аҿиареи, аизырҳареи, аҭаацәа рыбзабааи зыхьчо капуниатә амырҭаҭтә ныҳәарҭан, уи араҟ инхоз ауаа иамҵахырхәон, араатәи аныхаԥааҩцәа аԥшқацәа ԥсаҭатәс иарҭон. Раԥхьаӡатәи ауахәама араҟа игылаз аџь аҭыԥан идыргылеит (аамҭарба дырм) Андриа Аԥхьанаԥхьаҩ ихьӡала, уи Гыртәыла ақьырсианра алеигалеит. VII-тәи ашәышқәсазы иргылан Мартвил-Ҷҟондидитә аныхабаа уи ари аныҳәарҭа-ԥшьа аҭыԥ аҟны игылаз–ихырҵәаз аџь адацқәа ашьаҭахеит. Аныхабаа ахыннатә аџьар еиԥшыз аргылара акәын. Аҭырқәа-аџьамцәа рқәыларақәа раан акыр аԥырхага аиыуит. X-тәи ашәышқәсазы Гьаргь аҩбатәи ҿыц иргылеит уи. Иҟоу агәаанагарала иара убри азын анҵамҭа «Қарҭлитә аԥсҭазаара» Гьаргь иргылаз ауп, Мартвилтәи ауахәама ҳәа. Аҳ Гьаргь аныхабаа аԥскәабзтә кафедратә уахәамас ишьақәиргылит. Аныхабаа аџьар амахәқәа дырбгеит, аеквдерқәа аддыргылеит. Амрагылара аган ала еиҳа идуыз аҭаҩа дыргылеит. Ауахәама иазаанхит Мартвили, аԥскәабзцәа Ҷҟондидели рыхьӡын. 250px|мини Архитектура Мартвилтәи аныхабаа планла акыр еиԥшуп Мцхеҭатәи Аџьар уахәама, аха еиҭаҟаҵам. Араҟа аргылаҩы зхыиақәиҭу интерпритациа ихы иаиырхәеит, зынӡагьы ихьԥшым асахьаркыратә аԥҵамҭақәа аԥиҵеит. Аргылара аплан ахь иалаҵоуп аԥсахрақәа: аҟәырӷ акәырша еиҳа ихәҷуп, акәакь аҭаҩақәа–еиҳа идууп. Идууп аԥсидқәа рмахәарқәа роура, ирдууп акәакь аҿаԥшьырақәа. Иара убас иԥсахуп аԥшьарца аҟнытә акәакьрацәатә аҟәарӷ ирықәгылоу аилазаара – атромпқәа араҟа дара-дара еиҟьымсуа акамара хәыҷқәа рыла еиқәыршәоу амардуан ԥшра амоуп. Мартвилтәи аныхабаа Џьвари еиҳа ишыхәҷугьы, иҷыдоу ахҭақәа рҿарԥшырала аԥсахрақәа рыла ишьақәыргылоу идуу, иласу ақәыԥшылара амоуп, даҽа реилиефк змоу аҿаԥшыларалагьы. Хазы иҟоу ихьԥшым акомпозициақәа рцынхәрас араҟа еицу афризқәа амоуп, аргылара аҟазшьа акәзар еиҳа ирԥшӡагатәиуп. Афигурақәеи аҵиаақәеи рыла иҟаҵоу аџьоуҳартә еизаку сахьаҿы иалаҵоу, иҷыдоу аритм аихыгара иаҵанакуеит. Ажәақәа рҿы Абиблиеи, Евангелиатә асиужетқәеи рнуп (иаҳҳәап Даниатәи алымқәа реисра, Самсони алыми, Қьырса ишьҭыхра 4–ҩык амаалықьцәа рыла уҳәа уб. егь.) X–тәи ашәышқәсазы, Аԥсуа Аҳ Гьаргь II-тәи иаамҭазы, ауахәама ишьаҭаркны еиҭадыргылеит: иацырҵит адәахьытәи аҭыӡқәа, иахадыргылеит аҿыц аҟәырӷ ахәдақәа, убри аҟнытә уи адәахьала аџьар еиԥшу абаҟа акәӡам. Амраҭашәаратә егвтеригьы X-тәи ашәышқәса иаҵанакуеит. Аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы (XVI-XVII ашә.) рзы иҭыхуп. Аныхабаа аҟны иаанханы иҟоуп XIV, XVI, XVII-тәи ашәышқәса иртәу аҭӡысахьақәа. Уи зырԥшӡо аныҳәарҭа аконг аҟны иҟоу Мартвилтәи Анцәадзыхшаз. Аныхабаа аган аҟны игылоуп ихәҷу ҩ-еихагылак змоу ауахәама (X–тәи аш.). Аберҭыԥ анҵамҭақәа руакы аҟны иануп Дадианиаа рышьҭра иатәу Кациа Чиқовани. 2006 шықәса абҵара 7 азы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа. Алитература ბერაძე თ., მენაბდე ლ., საღარაძე შ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 6, თბ., 1983. — გვ. 458. ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974; ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხელოვნების ისტორია, ტ. 1, ტფ., 1936; თაყაიშვილი ე., „არხეოლოგიური მოგზაურობიდან სამეგრელოში“ // ძველი საქართველო, ტ. III, ტფილისი: ელექტრო მბეჭდავი სტამბა სპირიდონ ლოსაბერიძის, 1914. — გვ. 39-128. Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 5171 მარტვილის ტაძარი |  საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი მარტვილი: ღვთისმშობლის სახ. საკათედრო ტაძარი | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა Ахьарԥшқәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аиашахаҵаратә берҭыԥқәа Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла
34891
https://ab.wikipedia.org/wiki/Оциндалтәи_ауахәама
Оциндалтәи ауахәама
'''Оциндалтәи Гьаргь ацқьа иуахәама''' ({{lang-ka|ოცინდალეს წმინდა გიორგის ეკლესია}}) — ақырҭуа аргылараҟазареи амилаҭтә хадара акатегориеи имҵысуа абаҟа [[Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла]] аган, Чхороҵҟу амуниципалитет ақыҭа Ҭаиашьи, амшын аҳракырантә 640 метр ишьҭыхуп. Ауахәама XI–тәи ашәышықәсаз иргылан. Иара абри аамҭала иаамҭанҵоуп аныхабаа аӡахәала ирмазеиу иқәцәаау ашә уи иахьазы [[Қырҭтәыла]] амилаҭтә музеи аҟны ишьҭоуп. XIX–тәи ашәышқәса аан иаларҵәаз адырра ала араҟа аныхабаа Ҭамар Аҳԥҳәыс илырҿыцит. Аныхабаа аҟны уи шьақәзырӷәӷәо анҵамҭагьы ыҟан. Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь имшныҳәа азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан. Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа [[Гьаргь II (Қырҭтәыла)|Гьаргь II]] азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан. [[1923]] шықәса [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|Асоветтә]] анапхгара массала ианықәырхоз, иандырбгоз ауахәамааберҭыԥқәа, Қырҭтәылатә ажәытәра ахьчара акомитет ала, ишьақәыргылаз акомиссиа Гьаргь Чубинишвили инапхгарала, ишьақәнаргылеит, ажәытәреи аргылараҟазареи ала Жәыргьыҭтәи абазаҿ кьыс амамкәа еиқәырхан 11 ауахәама-аберҭыԥқәа, урҭ ирылан Оциндалтәи ауахәамагьы. XX-тәи ашәышықәсаҿ Оциндалтәи ауахәама ахадара ду змоу ауахәама еиԥш аҳәынҭқарра иахьчон. XX-тәи ашәышықәса 80–тәи ашқәсқәа рзы Оциндалтәи ауахәамеи, асаркьали еиҭаҟаҵан. Уажәы азын ара абацәа рберҭыԥ ыҟоуп. Оциндалтәи ауахәама [[2006]] шықәса [[абҵара 7]] рзы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа.<ref>{{Cite web |url=https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220 |title=საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ |access-date=2023-08-25 |archive-date=2019-07-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20190701154918/https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220 |url-status=dead }}</ref> == Алитература == * ქებურია ს. მემკვიდრეობას გაფრთხილება უნდა, ძეგლის მეგობარი, 84, 1989, გვ. 13-18 * ბერაძე თ. ოცინდალეს ძეგლი, საბჭოთა ხელოვნება, 1962, N3, გვ. 72-73 == Ахьарԥшқәа == {{reflist}} [[Акатегориа:Қырҭтәыла]] [[Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла]]
Оциндалтәи Гьаргь ацқьа иуахәама () — ақырҭуа аргылараҟазареи амилаҭтә хадара акатегориеи имҵысуа абаҟа Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аган, Чхороҵҟу амуниципалитет ақыҭа Ҭаиашьи, амшын аҳракырантә 640 метр ишьҭыхуп. Ауахәама XI–тәи ашәышықәсаз иргылан. Иара абри аамҭала иаамҭанҵоуп аныхабаа аӡахәала ирмазеиу иқәцәаау ашә уи иахьазы Қырҭтәыла амилаҭтә музеи аҟны ишьҭоуп. XIX–тәи ашәышқәса аан иаларҵәаз адырра ала араҟа аныхабаа Ҭамар Аҳԥҳәыс илырҿыцит. Аныхабаа аҟны уи шьақәзырӷәӷәо анҵамҭагьы ыҟан. Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь имшныҳәа азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан. Оциндалтәи ауахәама ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа ихадаӡаз адинхаҵаратә центр акәын, уаҟа Гьаргь II азгәаҭаразы Гыртәыла зехьынџьарантә анхацәа еизон. XX-тәи ашәышықәса алагамҭаз Оциндале аҟны анацәа рберҭыԥ ыҟан. 1923 шықәса Асоветтә анапхгара массала ианықәырхоз, иандырбгоз ауахәамааберҭыԥқәа, Қырҭтәылатә ажәытәра ахьчара акомитет ала, ишьақәыргылаз акомиссиа Гьаргь Чубинишвили инапхгарала, ишьақәнаргылеит, ажәытәреи аргылараҟазареи ала Жәыргьыҭтәи абазаҿ кьыс амамкәа еиқәырхан 11 ауахәама-аберҭыԥқәа, урҭ ирылан Оциндалтәи ауахәамагьы. XX-тәи ашәышықәсаҿ Оциндалтәи ауахәама ахадара ду змоу ауахәама еиԥш аҳәынҭқарра иахьчон. XX-тәи ашәышықәса 80–тәи ашқәсқәа рзы Оциндалтәи ауахәамеи, асаркьали еиҭаҟаҵан. Уажәы азын ара абацәа рберҭыԥ ыҟоуп. Оциндалтәи ауахәама 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵала ианашьоуп амилаҭтә хадара змоу акультуратә имҵысуа абаҟа акатегориа. Алитература ქებურია ს. მემკვიდრეობას გაფრთხილება უნდა, ძეგლის მეგობარი, 84, 1989, გვ. 13-18 ბერაძე თ. ოცინდალეს ძეგლი, საბჭოთა ხელოვნება, 1962, N3, გვ. 72-73 Ахьарԥшқәа Акатегориа:Қырҭтәыла Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла
34889
https://ab.wikipedia.org/wiki/Колхтәи_амилаҭтә_парк
Колхтәи амилаҭтә парк
'''Колхтәи амилаҭтә парк''' ({{lang-ka|კოლხეთის ეროვნული პარკი}}) — амилаҭтә парк [[Қырҭтәыла]], амшын Еиқәа аԥшыҳәаҿ, Палиастомтәи аӡиа ааигәа-сигәа иҟоуп. Колхтәи ихьчоу аҵакырарадгьыл иахәҭоуп. Аҵакыра 44 980 га, уи 29 229 га. адгьылтә ҵакыроуп, 15 751 га. амшын Еиқәа аквториа ауп.<ref>[https://mepa.gov.ge/Ge/News/Paper/20740 კოლხეთის ეროვნული პარკის ფართობი 671 ჰექტარით გაიზარდა // „ჩვენი სოფელი“, თბ., 2022, № 72, გვ. 3.]</ref> Ишьақәыргылан 1999 ш. ықәса. Иаҵанакуеит амшын Еиқәа амрагыларатә аԥшыҳәеи, Ҷуриатәи аҳабла иаҵанакуа аквториатә ҵакыреи, Палиастомтәи аӡиеи. Апарк Колхтәи жәларбжьаратәи ахадара змоу ацәаакыра ӷәӷәа змоу екоаилазаара ахьчареи, аиқәырхареи амзыз ала еиҿкаауп. Иалукаауеит абнатә флореи, афауни ирацәаӡаны абиоԥштәырацәала, аендемтәи, ареликттәи ахкы рацәала. Араҟа иҟоуп еиуеиԥшым аландшафтқәа, ихазу аекоеилазаареи, аценозқәеи.<ref name="კოლხეთის ეროვნული პარკი">{{Cite web |url=https://nationalparks.ge/ka/site/kolxetinp |title=კოლხეთის ეროვნული პარკი |access-date=2023-08-25 |archive-date=2023-09-23 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230923120139/https://nationalparks.ge/ka/site/kolxetinp |url-status=dead }}</ref> Амилаҭтә парк иаҵанакуеит 5 муниципалитетк рҵакырадгьыл – [[Жәыргьыҭ]], Хоби, Сенаки, Абаша, Ланчхәыҭи – Қырҭтәылатә аҭоурыхтә әакьқәа ҩба- Гытәылеи, [[Гуриа]] ахәҭаки.<ref name="კოლხეთის ეროვნული პარკი"/> Амилаҭтә парк ахадара амоуп еиҭаҵуа реиԥш иара убас арахь иԥырны иаауеи, иӡсуа аԥсаатә рынхаразы ибзиоу ареалуп, иара убас амшын Еиқәа еиԥш аԥсыӡкәтаӷьтә ҭаацәара рзы атоԥраз ҩба рыҟнытә акы иаҭыԥуп (Риони амшын иахьалало 9-км. аҿы; аҩбатәи - Дунаи).<ref>[https://business-partner.ge/sazogadoeba/zutkhisebrta-qvela-sakheoba-gadashenebis-safrtkhis-tsinashea-kolkhetis-erovnuli-parkis-fartobi-izrdeba „ზუთხისებრთა ყველა სახეობა გადაშენების საფრთხის წინაშეა" - კოლხეთის ეროვნული პარკის ფართობი იზრდება“]</ref> [[1935]] шықәсазы еиҿкаан Колхтәи аҳәырԥсарра (аҵакыра 561 га.) Уи хықәкыс иаман Колхтәи алаҟәырақәа ирымаз иҷыдаз аҟазшьа ареликтә флореи афаунеи акомплекс зегьы ахьчара. Аҳәырԥсарра аҭҵаара-аҭҵаарадырратәи аҭоурыхтәи ахадара аман.<ref name="ქსე">მამისაშვილი კ., კოლხეთის ნაკრძალი // ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 5, თბ., 1980. — გვ. 596.</ref> Амлаҭтә парк шьақәыргылан [[1999]] шықәса. Ихьчоуп Колхи азын аҟазшьа ҷыда змоу аӡмахқәа, алаҟәыратә абнақәа рландшафти. Иаларҵәоуп ал, ашәҵла,ашәч,ашымҳа, ахәажә, ареликттә аҳаскьынтә ҵиаақәа. Аԥстәқәа – ашьабсҭа, абынҳәа уб. егь.<ref name="ქსე"/> == Аинтирес змоу афактқәа == [[2007]] шықәса [[жьҭаара 24]] Колхеҭтәи аекоеилазаара иалаҵан [[ИУНЕСКО|Иунеско]] адунеи аҭынха аԥышәатә сиа ахь.<ref> http://whc.unesco.org/en/tentativelists/5223/</ref> [[2021]] шықәса Колхеҭтәи атропикатә абнақәа, аӡмахқәа урҭ Колхеҭтәи амилаҭтә парк аҵакырадгьыл иаҵанакуеит, Иунеско адунеитә аҭынха абаҟа асиа ианылеит.<ref>[https://whc.unesco.org/en/news/2318/ UNESCO World Heritage Centre]</ref> == Ахьарԥшқәа == {{reflist}} [[Акатегориа:Акатегориа IUCN II]] [[Акатегориа:Қырҭтәылаҿы иҟоу амилаҭтә паркқәа]] [[Акатегориа:1998 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа]] [[Акатегориа:Заатәи адунеизегьтәи аҭынха асиа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылаҿы иҟоу Рамсартәи аӡбаарақәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аблахкыгарҭақәа]] [[Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла]] [[Акатегориа:Гәыриа]]
Колхтәи амилаҭтә парк () — амилаҭтә парк Қырҭтәыла, амшын Еиқәа аԥшыҳәаҿ, Палиастомтәи аӡиа ааигәа-сигәа иҟоуп. Колхтәи ихьчоу аҵакырарадгьыл иахәҭоуп. Аҵакыра 44 980 га, уи 29 229 га. адгьылтә ҵакыроуп, 15 751 га. амшын Еиқәа аквториа ауп.კოლხეთის ეროვნული პარკის ფართობი 671 ჰექტარით გაიზარდა // „ჩვენი სოფელი“, თბ., 2022, № 72, გვ. 3. Ишьақәыргылан 1999 ш. ықәса. Иаҵанакуеит амшын Еиқәа амрагыларатә аԥшыҳәеи, Ҷуриатәи аҳабла иаҵанакуа аквториатә ҵакыреи, Палиастомтәи аӡиеи. Апарк Колхтәи жәларбжьаратәи ахадара змоу ацәаакыра ӷәӷәа змоу екоаилазаара ахьчареи, аиқәырхареи амзыз ала еиҿкаауп. Иалукаауеит абнатә флореи, афауни ирацәаӡаны абиоԥштәырацәала, аендемтәи, ареликттәи ахкы рацәала. Араҟа иҟоуп еиуеиԥшым аландшафтқәа, ихазу аекоеилазаареи, аценозқәеи. Амилаҭтә парк иаҵанакуеит 5 муниципалитетк рҵакырадгьыл – Жәыргьыҭ, Хоби, Сенаки, Абаша, Ланчхәыҭи – Қырҭтәылатә аҭоурыхтә әакьқәа ҩба- Гытәылеи, Гуриа ахәҭаки. Амилаҭтә парк ахадара амоуп еиҭаҵуа реиԥш иара убас арахь иԥырны иаауеи, иӡсуа аԥсаатә рынхаразы ибзиоу ареалуп, иара убас амшын Еиқәа еиԥш аԥсыӡкәтаӷьтә ҭаацәара рзы атоԥраз ҩба рыҟнытә акы иаҭыԥуп (Риони амшын иахьалало 9-км. аҿы; аҩбатәи - Дунаи).„ზუთხისებრთა ყველა სახეობა გადაშენების საფრთხის წინაშეა" - კოლხეთის ეროვნული პარკის ფართობი იზრდება“ 1935 шықәсазы еиҿкаан Колхтәи аҳәырԥсарра (аҵакыра 561 га.) Уи хықәкыс иаман Колхтәи алаҟәырақәа ирымаз иҷыдаз аҟазшьа ареликтә флореи афаунеи акомплекс зегьы ахьчара. Аҳәырԥсарра аҭҵаара-аҭҵаарадырратәи аҭоурыхтәи ахадара аман.მამისაშვილი კ., კოლხეთის ნაკრძალი // ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 5, თბ., 1980. — გვ. 596. Амлаҭтә парк шьақәыргылан 1999 шықәса. Ихьчоуп Колхи азын аҟазшьа ҷыда змоу аӡмахқәа, алаҟәыратә абнақәа рландшафти. Иаларҵәоуп ал, ашәҵла,ашәч,ашымҳа, ахәажә, ареликттә аҳаскьынтә ҵиаақәа. Аԥстәқәа – ашьабсҭа, абынҳәа уб. егь. Аинтирес змоу афактқәа 2007 шықәса жьҭаара 24 Колхеҭтәи аекоеилазаара иалаҵан Иунеско адунеи аҭынха аԥышәатә сиа ахь. http://whc.unesco.org/en/tentativelists/5223/ 2021 шықәса Колхеҭтәи атропикатә абнақәа, аӡмахқәа урҭ Колхеҭтәи амилаҭтә парк аҵакырадгьыл иаҵанакуеит, Иунеско адунеитә аҭынха абаҟа асиа ианылеит.UNESCO World Heritage Centre Ахьарԥшқәа Акатегориа:Акатегориа IUCN II Акатегориа:Қырҭтәылаҿы иҟоу амилаҭтә паркқәа Акатегориа:1998 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа Акатегориа:Заатәи адунеизегьтәи аҭынха асиа Акатегориа:Қырҭтәылаҿы иҟоу Рамсартәи аӡбаарақәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аблахкыгарҭақәа Акатегориа:Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәыла Акатегориа:Гәыриа
34890
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гелаҭтәи_аберҭыԥ
Гелаҭтәи аберҭыԥ
{{Акарточка анхарҭаҭыԥ |zoom1=13}} '''Гелаҭтәи аберҭыԥ''' ({{lang-ka|გელათის მონასტერი }}) — Игылоуп Қәҭешь аҩада-амрагыларала 11 км. аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны. Иргылоуп [[1106]] шықәсазы, Давиҭ Аӷмашьенебели-(Аргылаҩ)иалахәыларала. Иаакәыршаны абаагәара амоуп. Ансамбыль иалоуп еиуеиԥшым аамҭа иатәу (еиҳарак [[XII]]-[[XIII]]- тәи ашәышқәсақәа) аргыларақәа. [[Афаил:Gelati monastery (3).jpg|мини|Гелаҭтәи аберҭыԥ ]] == Акомплеқс == Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара аладала, аҩналарҭа хадала, Давиҭ Аӷмашенебели иҳаҭгәын ыҟоуп. Гелаҭтәи аберҭыԥ Аҳратә ҭаацәара рхатәра ауп, рыԥсыжьырҭа акәын, ҵакырала ааигәа иҟан аҳра аполитикатә центр аҟнытә- Қәҭешь азааигәара. Араҟа анышә иамоуп еизаку Қырҭтәыла аҳцәа зегьы: Давиҭ IV –тәи Аӷмашьенебели, Деметре I-тәи, [[Гьаргь III (Қырҭтәыла)|Гьаргь III-тәи]], [[Қьецба, Ҭамаз Иуан-иԥа|Ҭамари III-тәи]] ([[Қьецба, Ҭамаз Иуан-иԥа|Ҭамари лҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррала]]) уб.егь. Имереҭтәи Аҳцәа: Баграт III-тәи, [[Гьаргь II (Қырҭтәыла)|Гьаргь II]]-тәи, [[Гьаргь III (Қырҭтәыла)|Гьаргь III]]-тәи, [[Гьаргь IV (Қырҭтәыла)|Гьаргь VI]]-тәи, Алеқсандр V-тәи, Соломон I –тәи уб.егь. Гелаҭтәи аберҭыԥ акыр ибеиаз афеодалтә сениора дыҟан. Уи илымпыҵакын лхатәра акәын акыр идуыз адгьыл. Анхамҩаҿы аԥыжәара аман адгьыл аус адулара, аҿиара змаз аӡахәааӡара, аҩы, ацха, ацәашьы, арахәааӡара –аџьармыкьтә аагалыхра аберҭыԥ аԥара рацәа алҭон. [[Афаил:გელათის მონასტერი Gelati Monastery (48743991882).jpg|мини|Гелаҭтәи аберҭыԥ ]] == Аҭоурых == аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. XII-XV –тәи ашәышқәсақәа рзы Гелаҭтәи аберҭыԥ ианашьан инагӡаз автономиа, иазханаҵон аҳ изин мацара. Қырҭтәыла акатоликос-апатриархгьы иарбынзаалак зин имаӡамзт (апап иԥшьара ада). Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны аҳ ихатәы хаҭарнак диман. Аберҭыԥ аиҳабыра аберҳәсақәа, аԥыжәа-иԥыжәа аҳ еилак иалахәыз ҳәа иԥхьаӡан. XIII-тәи ашәышқәса II –тәи азбжаз, XV-тәи ашәышқәсазы атәыла аҟны аполитикатә-аекономикатә амаҷхара иахҟьаны (амонголцәа, Ҭемурленг иқәыларақәа, аҩнуҵҟатәа афеодалтә аибарххарақәа, адгьылқәа разықәԥара) Гелаҭтәи аберҭыԥ аекономикатә, акультуратә бзазара еиҵакит. Уи ажәытә аҭагылазаашьа хәҭак еиҭашьақәиргылеит Гьаргь Алаша. Қырҭтәыла аполитика аилаҳара (XV шәышқәса II азбжа) аамышьҭахь Гелаҭтәи аберҭыԥ амраҭашәаратәи Қырҭтәылатә аҳцәа рнапаҵаҟа ахь ииасит. [[1510]] шықәса абҵара 23 уи ирблит Имереҭи иажәылаз аосманцәа рар. Имераҭтәи аҳцәа [[Баграт III (Қырҭтәыла)|Баграт III]]-тәи Гьаргь II-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны акыр ирҭбааз анхамҩатәи, аргыларатәи аусқәа мҩаԥыргеит – шьагәыҭла еиҭаҟарҵит, асахьаҭыхрақәа дырҿыцит, ирбгаз, икажьыз ауахәама-аеквдерқәа, аберҭыԥ иарҭит аҿыц адгьылқәа. [[Баграт III (Қырҭтәыла)|Баграт III]]-тәи иаамҭатәи Гелаҭи «Иҩынтәи иргылаз» ахьӡырҵеит. Уи иган аҟны игылан Гелаҭтәи аҷкәындар Мелқиседек Саҟварелиӡеи, амраҭарәаратә Қырҭтәыла акатолик-апатриарх Евдемон Чхетиӡе. XVI-тәи ашәышқәса 20- тәи ашқәсқәа рзы [[Баграт III (Қырҭтәыла)|Баграт III]]-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы аепископтә кафедра шьақәиргылеит, уи акыр ишьҭнахит аберҭыԥ аполитикатә-аморалтәи, аекномикатәи ҭагылазаашьа. [[XVI]] –тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы амраҭашәаратә Қырҭтәыла акатоликос-апатриархратә арезиденциа Пицундатә Гелаҭиҟа ииаргеит. XVIII –тәи ашәышқәса инаркны Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы акырӡа иҭбааз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргеит [[Гьаргь IV (Қырҭтәыла)|Гьаргь VI]]-тәи, Алеқсандре V-тәи, Соломон I тәи, Соломон II-тәи, Гелаҭтәи аҷкәындарцәеи. XVIII –тәи ашәышқәсаз Урыстәылатә аимпериа ала Аҳра аԥырхра аамышьҭахь ([[1810]]) ашьҭахь Гелаҭи аберҭыԥ аҟны идуыз арҿиаратә усурақәа ирылагит. Еиуеиԥшымз аамҭазы араҟа аусура наргӡон Арсен Иҟалҭотәи, Иоан Петриҵи, Арсен Булмаисимисӡе, Петре Гелаҭтәи, Евдемон Чхетиӡе ([[1557]]- [[1578]]), Еқвҭиме Саҟварелиӡе ([[1578]]-[[1616]]), Гедеон Лорҭқиԥаниӡе (XVII шәш.), Антон I-тәи, Зақариа Габашвили уҳәа уб.егь. [[1923]] шықәсазы Гелаҭтәи аберҭыԥ адыркит. Уажәы азы уи Қәҭешьтәи аҳәынҭқарратә аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. === ЕАА –қәа рацхыраара === [[2003]] шықәса инаркны [[2020]] шықәсанӡа Еиду Америкатә Аштатқәа ацҳаражәҳәарҭа афонд Гелаҭтәи аберҭыԥ акомплеқс иазкны апроектқәа хәба афинансркра ҟанаҵит. Еиуеиԥшымз апроектқәа [[2003]], [[2012]], [[2013]], [[2014]], [[2016]] ашықәсқәа рзы имҩаԥган. Ахыннатә, [[2003]] шықәсазы, аберҭытә аҭӡысахьақәа арестоврациа рызура шьақәыргылан, адиагностикатә ҭҵаарақәа мҩаԥган. XII-XVIII-тәи ашәышқәсақәа рыла имшарбоу аҭӡысахьақәа рыҭҵаареи, иԥхасҭаз аусрыдулареи рыӡбит, хықәкыс иаман зыԥштәы хыббыз, акәыкәбаачымазарақәа, аҭӡысахьақәа рҿы аџьыкхыштә кристаллизациа аус адулара. Аҭҵаарала ишьақәыргылан, Гелаҭтәи Анцәадзыхшаз Мариам ацқьа егвтертәи аҭыӡсахьа зынӡа аныӡӡара аҟнынӡа инеины иҟан. [[2012]] шықәса, ацҳаражәҳәырҭа ала афинансрка зыҭаз апроект аҟазаратә жәларбжьаратәи ацентр ала имҩаԥган, егьырҭ аконсервациатә усурақәа рымҩаԥгареи, иара убас архитектортә аструктура хырԥара змамз аҭышәынтәалара, ашьыхреи, аҿаханҵақәеи рҿыгҳақәа рырӷәӷәара, аџьыкхыш амхра анагӡара азԥхьагәаҭан. [[2013]] шықәсазы, ацҳаражәҳәаҩ ифонд Гелаҭтәи аберҭыԥтә комплеқс архитектуратә структура ареабелитациазы, анышәаԥшьлых ала ахыбра, ахақә ҟьаԥсқәа ррыцқьаразы, аҭӡысахьақәа рхылаԥшразы, хырԥашьа змам аконсервациа азын, иара убас егьырҭ аусурақәа рымҩаԥгаразы 600 000 $ алнахит. [[2014]]-[[2016]] шықәсқәа рзы ацҳаражәҳәаҩ ифонд, аберҭыԥ ареабилитациазы даҽа ҩ-проектк мҩаԥнагеит.<ref name="usemb">[https://www.amerikiskhma.com/a/ambassador-s-fund-for-cultural-preservation/6677703.html აშშ-ის ელჩის ფონდი, საქართველოს კულტურული მემკვიდრეობის დასაცავად: 21 პროექტი, 21 წელში]</ref> [[Афаил:გელათის მონასტერი Gelati Monastery (48765419943).jpg|400px|мини|слева|Гелаҭтәи аберҭыԥ ]] == Архитектура == Анцәа дзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡ зху аҟәырӷ зхагылоу аныхабаа хада ҩ-шьаҟаки, аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ирықәгылоу аҟрыӷ амоуп, амрагыларатәи аган ала х-кыцак змоу иԥыҳәҳәоу абсида. Ауахәама азын еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы аԥыршьит: амраҭашәаратә аган- стоа, амрагыларатәи, аҩадала аеквдерқәа. Аныхабаа аҵакыра иаваргылақәоу налаҵаны 35 [[М|м]]. x 36 м, агылара 34 м. иаҟроуп. Адәахьала аныхабаа иҩычоуп еклартәи ахаҳәцәы ала, анаҿаԥшырсҭақәа акыр ицәгәьоу аритм змоу арԥшӡагатә ахыргьагьақәа рыла, зынӡагьы аџьоуҳар амашәа ауп ишыҟаҵоу. Иҭбаау ибзианы ирлашоу аҩнуҵҟатәи аҭыԥ аныҳәаратә нырра унаҭоит. Аҭӡы-камарақәа еизакны ихҩоуп еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы иҟаҵаз асахьаҭыхрақәа рыла. Аныхабаа хада Амрагылара аган ала XII –тәи ашәышқәсатә Гьаргь ацқьа ихьӡ зху уахәамоуп. Аплани аформеи рыла уи аныхабаа хада еиԥшуп, аха еиҳа уи аҵкьыс ихәҷуп. Аҩнуҵҟа аҭыӡқәа хҩоуп XVI –тәи ашәышықәсазтәи асахьақәа рыла. Аныхабаа хада инадганы 9 м. игылоуп XIII-XIV-тәи ашәышықәса иатәу Николоз ацқьа ихьӡ зху ҩ еихагылак змоу ауахәама. Ҵаҟатәи аихагыла акәакь иаша амоуп, аԥшь-ҭӡы ахыргьагьа ала иаартуп, аҩбатәи аихагыла аџьар еиԥшу ауахәама хәҷы ауп. Аныхабаа хада аҩада амраҭашәарала XIII-тәи ашәышықәсатәи асаркьал асырҭа, уи ҵаҟатәи ахәҭа – ахыргьагьақәа рыла иаарту ахаҳәтә амчандыр- ахыҵхырҭа аваргылоуп. Уи аханы ацәахырҭа хәҷы амоуп, еиҳа ишьҭыхны, хыхь- асаркьал. Гелаҭтәи ансамбыль иалоуп академиа, ҳара ҳаҟнынӡа арбгара аҳасаб ала иааит. Акәакь иашала иргылоу аргылара (аҵакыра 300 м2 .) амрагыларала х-ҩналарҭак аман. Насшәа абжьаратәи аҩналарҭа ибеиаз ирԥшӡаз агәашә ҿарҵит. Аҭӡамцқәа рҟны ахаҳәлых тәарҭақәа аман. Аргылара аԥенџьр ду иарлашон, аҭӡамцқәа асахьақәа рнын. == Аҭӡынҵара == Аныхабаа хада аконза аҟны иануп еицдыру Гелаҭтәи амозаика, амраҭашәаратә стоиа [[аҟны XII]] –тәи ашәышқәса аҭӡысахьақәа, уаҟа иануп ауахәаматә аизара, амрагыларатә аеквдер аҟны –Давиҭ Нарин ҩба, XIII –тәи ашәышықәса иҭыхыз ипатреҭқәа. Аҭӡынҵара изныкымкәа ирҿыцын. Ҷыдала азҿлымҳара аҭатәуп аҭоурыхтә хаҽқәа рпатреҭқәа (XVI шәш.): аҩадатә аҭӡы аҟны иануп Имераҭтә аҳ иҭаацәа рхаҭарнакцәа. Иара абраҟа Давиҭ Аӷмашьенебели аҭӡысахьатә ипатреҭ, уи заанаҵатәи асахьаҭыхҩцәа рҭыхымҭа акәхап, аха XVI-тәи ашәышықәсазы еиҭарҿыцын ажәытә сахьа иақәырԥшны. [[Афаил:გელათის მონასტერი Gelati Monastery (48743990002).jpg|мини|Гелаҭтәи аберҭыԥ ]] == Аҭынха == Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны ишьҭоуп даараӡа ибеианы ирҩычоу, аминиатиурақәа рыла ирԥшӡоу ақырҭуа анапынҵарақәа, уи афонд ду ажәытәынгьы иҟан, иара убас ақырҭуа ачаԥаратә ҟазара иатәу рацәа иџьашьахәытәиу аусумҭақәа (иаҳҳә. Хахулит Анцәадзыхшаз лныха). Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара инахыганы 150 м. аҟны, уи аҩада-амрагыларала, иаанханы иҟоуп сахастертәи аберҭыԥ ( икыдгылоз аберцәа рынхарҭа) арбгарақәа. Аберҭыԥ алада-амраҭашәарала ишьыху ахәы аҟны Саба ацқьа ихьӡ зху азал ԥшра змоу уахәама (X-XI шәш.шәш.) арбгарақәа. Уи иазааигәаны, амҩа инахыганы Илиа ацқьа ихьӡ зху ауахәама. Инаскьаганы, аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны «Мыс Давиҭ» ҳәа изышьҭоу, аӷа иҟнытә аберҭыԥ ахьчараз, идуу игьажьу абааш арбгара.<ref>[http://whc.unesco.org/en/news/1692 Gelati Monastery, Georgia, removed from UNESCO’s List of World Heritage in Danger]</ref>. == Акультуратә баҟа == [[1994]] шықәсазы Баграт иныхабаа иацны ироуит Иунеско адунеи аҭынхатә баҟа астатус. [[2006]] шықәса абҵара 7, ианашьан Қырҭтәыла акультура амилаҭтә ахадара змоу акатегориа абаҟа астатус. [[2010]] шықәса Багра иныхабаа излагахьаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны ианашьан ашәарҭа иҭагылоу абаҟа астатус, уи иара убас Гелаҭтәи аберҭыԥгьы ианашьан. [[2010]]-[[2017]] шықәсқәа рзы ианын ашәарҭа иҭагылоу абаҟақәа рсиа, асиа аҟнытә иалырхит [[2017]] шықәса ԥхынгәын 10. [[2017]] шықәса инаркны Баграт иныхабаа аҟнытә ихьԥшымкәа иҭаҩуп адунеи аҭынха асиа аҟны. ==Алитература== * ციციშვილი ი., ლომინაძე ბ., მენაბდე ლ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 3, თბ., 1978. — გვ. 37. * Элемент маркированного списка * ლომინაძე ბ., გელათი, თბ., 1955; * მისივე, გელათი (მეგზური), თბ., 1959; * Меписашвили П. С., Архитектурный ансамбль Гелати, Тб., 1966; ==Азхьарԥшқәа== * [https://memkvidreoba.gov.ge/objects/immovable/immovableObject?id=8550 კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 8550] ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аиашахаҵаратә берҭыԥқәа]] [[Акатегориа:Имереҭи]]
Гелаҭтәи аберҭыԥ () — Игылоуп Қәҭешь аҩада-амрагыларала 11 км. аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны. Иргылоуп 1106 шықәсазы, Давиҭ Аӷмашьенебели-(Аргылаҩ)иалахәыларала. Иаакәыршаны абаагәара амоуп. Ансамбыль иалоуп еиуеиԥшым аамҭа иатәу (еиҳарак XII-XIII- тәи ашәышқәсақәа) аргыларақәа. мини|Гелаҭтәи аберҭыԥ Акомплеқс Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара аладала, аҩналарҭа хадала, Давиҭ Аӷмашенебели иҳаҭгәын ыҟоуп. Гелаҭтәи аберҭыԥ Аҳратә ҭаацәара рхатәра ауп, рыԥсыжьырҭа акәын, ҵакырала ааигәа иҟан аҳра аполитикатә центр аҟнытә- Қәҭешь азааигәара. Араҟа анышә иамоуп еизаку Қырҭтәыла аҳцәа зегьы: Давиҭ IV –тәи Аӷмашьенебели, Деметре I-тәи, Гьаргь III-тәи, Ҭамари III-тәи (Ҭамари лҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррала) уб.егь. Имереҭтәи Аҳцәа: Баграт III-тәи, Гьаргь II-тәи, Гьаргь III-тәи, Гьаргь VI-тәи, Алеқсандр V-тәи, Соломон I –тәи уб.егь. Гелаҭтәи аберҭыԥ акыр ибеиаз афеодалтә сениора дыҟан. Уи илымпыҵакын лхатәра акәын акыр идуыз адгьыл. Анхамҩаҿы аԥыжәара аман адгьыл аус адулара, аҿиара змаз аӡахәааӡара, аҩы, ацха, ацәашьы, арахәааӡара –аџьармыкьтә аагалыхра аберҭыԥ аԥара рацәа алҭон. мини|Гелаҭтәи аберҭыԥ Аҭоурых аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. XII-XV –тәи ашәышқәсақәа рзы Гелаҭтәи аберҭыԥ ианашьан инагӡаз автономиа, иазханаҵон аҳ изин мацара. Қырҭтәыла акатоликос-апатриархгьы иарбынзаалак зин имаӡамзт (апап иԥшьара ада). Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны аҳ ихатәы хаҭарнак диман. Аберҭыԥ аиҳабыра аберҳәсақәа, аԥыжәа-иԥыжәа аҳ еилак иалахәыз ҳәа иԥхьаӡан. XIII-тәи ашәышқәса II –тәи азбжаз, XV-тәи ашәышқәсазы атәыла аҟны аполитикатә-аекономикатә амаҷхара иахҟьаны (амонголцәа, Ҭемурленг иқәыларақәа, аҩнуҵҟатәа афеодалтә аибарххарақәа, адгьылқәа разықәԥара) Гелаҭтәи аберҭыԥ аекономикатә, акультуратә бзазара еиҵакит. Уи ажәытә аҭагылазаашьа хәҭак еиҭашьақәиргылеит Гьаргь Алаша. Қырҭтәыла аполитика аилаҳара (XV шәышқәса II азбжа) аамышьҭахь Гелаҭтәи аберҭыԥ амраҭашәаратәи Қырҭтәылатә аҳцәа рнапаҵаҟа ахь ииасит. 1510 шықәса абҵара 23 уи ирблит Имереҭи иажәылаз аосманцәа рар. Имераҭтәи аҳцәа Баграт III-тәи Гьаргь II-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны акыр ирҭбааз анхамҩатәи, аргыларатәи аусқәа мҩаԥыргеит – шьагәыҭла еиҭаҟарҵит, асахьаҭыхрақәа дырҿыцит, ирбгаз, икажьыз ауахәама-аеквдерқәа, аберҭыԥ иарҭит аҿыц адгьылқәа. Баграт III-тәи иаамҭатәи Гелаҭи «Иҩынтәи иргылаз» ахьӡырҵеит. Уи иган аҟны игылан Гелаҭтәи аҷкәындар Мелқиседек Саҟварелиӡеи, амраҭарәаратә Қырҭтәыла акатолик-апатриарх Евдемон Чхетиӡе. XVI-тәи ашәышқәса 20- тәи ашқәсқәа рзы Баграт III-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы аепископтә кафедра шьақәиргылеит, уи акыр ишьҭнахит аберҭыԥ аполитикатә-аморалтәи, аекномикатәи ҭагылазаашьа. XVI –тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы амраҭашәаратә Қырҭтәыла акатоликос-апатриархратә арезиденциа Пицундатә Гелаҭиҟа ииаргеит. XVIII –тәи ашәышқәса инаркны Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы акырӡа иҭбааз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргеит Гьаргь VI-тәи, Алеқсандре V-тәи, Соломон I тәи, Соломон II-тәи, Гелаҭтәи аҷкәындарцәеи. XVIII –тәи ашәышқәсаз Урыстәылатә аимпериа ала Аҳра аԥырхра аамышьҭахь (1810) ашьҭахь Гелаҭи аберҭыԥ аҟны идуыз арҿиаратә усурақәа ирылагит. Еиуеиԥшымз аамҭазы араҟа аусура наргӡон Арсен Иҟалҭотәи, Иоан Петриҵи, Арсен Булмаисимисӡе, Петре Гелаҭтәи, Евдемон Чхетиӡе (1557- 1578), Еқвҭиме Саҟварелиӡе (1578-1616), Гедеон Лорҭқиԥаниӡе (XVII шәш.), Антон I-тәи, Зақариа Габашвили уҳәа уб.егь. 1923 шықәсазы Гелаҭтәи аберҭыԥ адыркит. Уажәы азы уи Қәҭешьтәи аҳәынҭқарратә аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. ЕАА –қәа рацхыраара 2003 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа Еиду Америкатә Аштатқәа ацҳаражәҳәарҭа афонд Гелаҭтәи аберҭыԥ акомплеқс иазкны апроектқәа хәба афинансркра ҟанаҵит. Еиуеиԥшымз апроектқәа 2003, 2012, 2013, 2014, 2016 ашықәсқәа рзы имҩаԥган. Ахыннатә, 2003 шықәсазы, аберҭытә аҭӡысахьақәа арестоврациа рызура шьақәыргылан, адиагностикатә ҭҵаарақәа мҩаԥган. XII-XVIII-тәи ашәышқәсақәа рыла имшарбоу аҭӡысахьақәа рыҭҵаареи, иԥхасҭаз аусрыдулареи рыӡбит, хықәкыс иаман зыԥштәы хыббыз, акәыкәбаачымазарақәа, аҭӡысахьақәа рҿы аџьыкхыштә кристаллизациа аус адулара. Аҭҵаарала ишьақәыргылан, Гелаҭтәи Анцәадзыхшаз Мариам ацқьа егвтертәи аҭыӡсахьа зынӡа аныӡӡара аҟнынӡа инеины иҟан. 2012 шықәса, ацҳаражәҳәырҭа ала афинансрка зыҭаз апроект аҟазаратә жәларбжьаратәи ацентр ала имҩаԥган, егьырҭ аконсервациатә усурақәа рымҩаԥгареи, иара убас архитектортә аструктура хырԥара змамз аҭышәынтәалара, ашьыхреи, аҿаханҵақәеи рҿыгҳақәа рырӷәӷәара, аџьыкхыш амхра анагӡара азԥхьагәаҭан. 2013 шықәсазы, ацҳаражәҳәаҩ ифонд Гелаҭтәи аберҭыԥтә комплеқс архитектуратә структура ареабелитациазы, анышәаԥшьлых ала ахыбра, ахақә ҟьаԥсқәа ррыцқьаразы, аҭӡысахьақәа рхылаԥшразы, хырԥашьа змам аконсервациа азын, иара убас егьырҭ аусурақәа рымҩаԥгаразы 600 000 $ алнахит. 2014-2016 шықәсқәа рзы ацҳаражәҳәаҩ ифонд, аберҭыԥ ареабилитациазы даҽа ҩ-проектк мҩаԥнагеит.აშშ-ის ელჩის ფონდი, საქართველოს კულტურული მემკვიდრეობის დასაცავად: 21 პროექტი, 21 წელში 400px|мини|слева|Гелаҭтәи аберҭыԥ Архитектура Анцәа дзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡ зху аҟәырӷ зхагылоу аныхабаа хада ҩ-шьаҟаки, аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ирықәгылоу аҟрыӷ амоуп, амрагыларатәи аган ала х-кыцак змоу иԥыҳәҳәоу абсида. Ауахәама азын еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы аԥыршьит: амраҭашәаратә аган- стоа, амрагыларатәи, аҩадала аеквдерқәа. Аныхабаа аҵакыра иаваргылақәоу налаҵаны 35 м. x 36 м, агылара 34 м. иаҟроуп. Адәахьала аныхабаа иҩычоуп еклартәи ахаҳәцәы ала, анаҿаԥшырсҭақәа акыр ицәгәьоу аритм змоу арԥшӡагатә ахыргьагьақәа рыла, зынӡагьы аџьоуҳар амашәа ауп ишыҟаҵоу. Иҭбаау ибзианы ирлашоу аҩнуҵҟатәи аҭыԥ аныҳәаратә нырра унаҭоит. Аҭӡы-камарақәа еизакны ихҩоуп еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы иҟаҵаз асахьаҭыхрақәа рыла. Аныхабаа хада Амрагылара аган ала XII –тәи ашәышқәсатә Гьаргь ацқьа ихьӡ зху уахәамоуп. Аплани аформеи рыла уи аныхабаа хада еиԥшуп, аха еиҳа уи аҵкьыс ихәҷуп. Аҩнуҵҟа аҭыӡқәа хҩоуп XVI –тәи ашәышықәсазтәи асахьақәа рыла. Аныхабаа хада инадганы 9 м. игылоуп XIII-XIV-тәи ашәышықәса иатәу Николоз ацқьа ихьӡ зху ҩ еихагылак змоу ауахәама. Ҵаҟатәи аихагыла акәакь иаша амоуп, аԥшь-ҭӡы ахыргьагьа ала иаартуп, аҩбатәи аихагыла аџьар еиԥшу ауахәама хәҷы ауп. Аныхабаа хада аҩада амраҭашәарала XIII-тәи ашәышықәсатәи асаркьал асырҭа, уи ҵаҟатәи ахәҭа – ахыргьагьақәа рыла иаарту ахаҳәтә амчандыр- ахыҵхырҭа аваргылоуп. Уи аханы ацәахырҭа хәҷы амоуп, еиҳа ишьҭыхны, хыхь- асаркьал. Гелаҭтәи ансамбыль иалоуп академиа, ҳара ҳаҟнынӡа арбгара аҳасаб ала иааит. Акәакь иашала иргылоу аргылара (аҵакыра 300 м2 .) амрагыларала х-ҩналарҭак аман. Насшәа абжьаратәи аҩналарҭа ибеиаз ирԥшӡаз агәашә ҿарҵит. Аҭӡамцқәа рҟны ахаҳәлых тәарҭақәа аман. Аргылара аԥенџьр ду иарлашон, аҭӡамцқәа асахьақәа рнын. Аҭӡынҵара Аныхабаа хада аконза аҟны иануп еицдыру Гелаҭтәи амозаика, амраҭашәаратә стоиа аҟны XII –тәи ашәышқәса аҭӡысахьақәа, уаҟа иануп ауахәаматә аизара, амрагыларатә аеквдер аҟны –Давиҭ Нарин ҩба, XIII –тәи ашәышықәса иҭыхыз ипатреҭқәа. Аҭӡынҵара изныкымкәа ирҿыцын. Ҷыдала азҿлымҳара аҭатәуп аҭоурыхтә хаҽқәа рпатреҭқәа (XVI шәш.): аҩадатә аҭӡы аҟны иануп Имераҭтә аҳ иҭаацәа рхаҭарнакцәа. Иара абраҟа Давиҭ Аӷмашьенебели аҭӡысахьатә ипатреҭ, уи заанаҵатәи асахьаҭыхҩцәа рҭыхымҭа акәхап, аха XVI-тәи ашәышықәсазы еиҭарҿыцын ажәытә сахьа иақәырԥшны. мини|Гелаҭтәи аберҭыԥ Аҭынха Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны ишьҭоуп даараӡа ибеианы ирҩычоу, аминиатиурақәа рыла ирԥшӡоу ақырҭуа анапынҵарақәа, уи афонд ду ажәытәынгьы иҟан, иара убас ақырҭуа ачаԥаратә ҟазара иатәу рацәа иџьашьахәытәиу аусумҭақәа (иаҳҳә. Хахулит Анцәадзыхшаз лныха). Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара инахыганы 150 м. аҟны, уи аҩада-амрагыларала, иаанханы иҟоуп сахастертәи аберҭыԥ ( икыдгылоз аберцәа рынхарҭа) арбгарақәа. Аберҭыԥ алада-амраҭашәарала ишьыху ахәы аҟны Саба ацқьа ихьӡ зху азал ԥшра змоу уахәама (X-XI шәш.шәш.) арбгарақәа. Уи иазааигәаны, амҩа инахыганы Илиа ацқьа ихьӡ зху ауахәама. Инаскьаганы, аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны «Мыс Давиҭ» ҳәа изышьҭоу, аӷа иҟнытә аберҭыԥ ахьчараз, идуу игьажьу абааш арбгара.Gelati Monastery, Georgia, removed from UNESCO’s List of World Heritage in Danger. Акультуратә баҟа 1994 шықәсазы Баграт иныхабаа иацны ироуит Иунеско адунеи аҭынхатә баҟа астатус. 2006 шықәса абҵара 7, ианашьан Қырҭтәыла акультура амилаҭтә ахадара змоу акатегориа абаҟа астатус. 2010 шықәса Багра иныхабаа излагахьаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны ианашьан ашәарҭа иҭагылоу абаҟа астатус, уи иара убас Гелаҭтәи аберҭыԥгьы ианашьан. 2010-2017 шықәсқәа рзы ианын ашәарҭа иҭагылоу абаҟақәа рсиа, асиа аҟнытә иалырхит 2017 шықәса ԥхынгәын 10. 2017 шықәса инаркны Баграт иныхабаа аҟнытә ихьԥшымкәа иҭаҩуп адунеи аҭынха асиа аҟны. Алитература ციციშვილი ი., ლომინაძე ბ., მენაბდე ლ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 3, თბ., 1978. — გვ. 37. Элемент маркированного списка ლომინაძე ბ., გელათი, თბ., 1955; მისივე, გელათი (მეგზური), თბ., 1959; Меписашвили П. С., Архитектурный ансамбль Гелати, Тб., 1966; Азхьарԥшқәа კულტურული მემკვიდრეობის პორტალი, № 8550 Азгәаҭақәа Акатегориа:Қырҭтәыла иҟоу аиашахаҵаратә берҭыԥқәа Акатегориа:Имереҭи
34892
https://ab.wikipedia.org/wiki/Светицховелтәи_акафедратә_аныхабаа
Светицховелтәи акафедратә аныхабаа
[[Афаил:Svetitskhoveli Cathedral in Georgia, Europe.jpg|300px|мини|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа ]] '''Светицховелтәи акафедратә аныхабаа''' ({{lang-ka|სვეტიცხოვლის ტაძარი }}) — Қырҭтәыла аиашахаҵара ауахәама апатриархтә акафедратә уахәама хада, Қырҭтәыла Ан-аныхабаа, Қырҭтәыла акатоликос-апатриарх иқәгылара аҭыԥ, ашәышықәсабжьаразы ирацәаҩны ақырҭуа аҳцәеи рҭаацәра алахәылацәеи апатриархцәа анышә раҭара аҭыԥ ауп, XI ашәышықәса ақырҭуа аргылара абаҟа, ԥшьба акафедратә ныхабаақәа ируаку (Ошки,Баграт иныхабаа, Алаверди). Игылоуп Қарҭ аҟнытә 20 километр инахыганы, ақалақь Мцхеҭа аҟны. Светицховели аҟны ишьҭоуп Иҳақәиҭу ихарԥ, Елиа Азԥхьаҳәаҩ ишәҵа. Иунеско адунеи акультуратә аҭынха абаҟа. [[Афаил:Voyage Au Caucase 1843 II-7.jpg|мини|слева|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа ]] == Аҭоурых == Светицховели аҭоурыхтә аныхабаатә аргыларақәа зегьы реиҳаӡа идуу ауп иахьанӡа еиқәханы иҟоу рҟнытә. Уи ашәышықәсақәа рыбжьара ақьырсианратә Қырҭтәыла адинхаҵаратә центрны иҟоуп. IV-тәи ашәышықәсазы ирқьырсианыз Мириан Аҳ, Нино ацқьа лыбжьагарала араҟа раԥхьаӡатәи ауахәама иргылеит, уи ҳара ҳаҟнынӡа изымааит. [[1970]]-[[1971]] шықәсқәа рзы аиҭаргыларатә- арестоврациатә аусурақәа рымҩаԥгара аан, иҭҵаан уи ауасхыр, иара убас ари абазилик зегьы ахсаалагьы ҟаҵан, иара абраҟа иргылан Нино ацқьа луахәама андырбга аамышьҭахь, Вахтанг Горгасали V – тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы. XI- тәи ашәышықәсазы иԥхасҭахаз абазилик аҭыԥ аҟны қарҭлтәи акатоликос Мелқиседек аҽыц ауахәама иргылеит. Уи аргыларазы Арсукисӡе дааиԥхьеит. Аргылара [[1010]] шықәса иалагеит [[1029]] шықәсазы иалгеит. Иара аҟазаара ахаан Светицховели изныкымкәа еиҭаҟаҵан. [[1283]] шықәсазы аныхабаа адгьылҵысра иԥхасҭанатәит. XIV ашәышқәсазы Гьаргь Алаша аныхабаа аҟәырӷ еиҭаҟаиҵит. Иара уи ашәышықәса анҵәамҭазы «Иаварҳҟватә аспацәа Ланг-Ҭемырисаҭа»- идырбгеит амраҭашәаратә ажәҩа аҵә-шьаҟақәа, ихыржәеит аҟәырӷ ахәцәа аха аныхабаа зегьы арбгара рылымшеит. XV-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҳ Алеқсандыр Ду аныхабаа ибзиаӡыны еиҭаҟаиҵит. [[1656]] шықәсазы Аҳ Ростом, Мариам Аҳԥҳәыси еиҭадыргылеит аҟәырӷ ахәцәа. [[1813]] шықәса жьҭаара мза 30 аеқзарқос Варлаам иаамҭазы ирҿыцын Светицховелтәи аҭаларҭа-агәашә, уи иунарбоит аепиграфтәи анҵамҭа. == Археологиа == Светицховелтәи аныхабаа Амрагылара аҟнытә амраҭашәара ахь акыр иҵәрыԥсоу акәакьҭаиаша планс иаман. Аџьар асахьа ақәыԥшылараҿы иргылоу аҟәырӷ аԥшьганк рыла еимадоуп аԥшьба жәҩахырқәа. Ажәҩақәа акәакьҭаиаша рымоуп, амрагыларахьтәи ажәҩа ада, уи аныҳәарҭа аԥсида ала инҵәоит. Аныҳәарҭа аладеи аҩадеи рыҟны ҩ-цәаҳәак ала иҟаҵоуп ацәахырҭақәа. Аҟәырӷ иӷәӷәоу ԥшь-шьаҟак ирықәгылоуп, аҟәырӷ ахәцәа 16 ԥенџьыр амоуп. Аныхабаа акырынтә ахаҿсахьа шаԥсаххьазгьы, ажәытә аҭӡысахьақәа реиҳарак ыҟаӡам, аҭӡамцқәа рыршкәакәара иамнахит уи асахьаҭыхратә акра ахымԥадара егьырҭ аоргантә хәҭақәагьы, уи иахьагьы даараӡа идуу аџьашьахәыра амоуп. == Асахьаҭыхра == XI-тәи ашәышықәсазы аныхабаа зегь исахьаҭыхын. Абри аамҭатәи асахьаҭыхрақәа иаанхаз зынӡа имаҷуп: аныхабаа амраҭашәаратә ажәҩа амраҭашәаратә аҭыӡы аҟны, асаркьал аҩадатәи-асцена агәырӷьаҽҳәала: Қьырсеи самариттәи аԥҳәыси, анышьа агәҭа алада амраҭашәаратәи ахыргьагьа аҟны – аҵиаатә аџьоуҳар, алада анышьа ажәҩан аршь аҟны еилкаам асцена ацәынхақәа. Егьырҭ аҭыхымҭақәа ихьшәоу аамҭа иатәуп. Аныҳәарҭа аҟны иаанханы иҟоуп асахьаҭыхра хыхьтәи арегистрқәа ҩба. Аконх аҟны иҭыхуп аҳ иҟәардә иантәалоу Қырса иаартна икуп анцәа ишәҟәы, амца зку агьежьқәа ирықәгылоу ҩыџьа амаалықьцәа, ахыргьагьа аҟны азгәыбылҩы сахьа змоу амаалықьцәа ԥшьҩык, аҭӡы аҟны ҩыџьа амаалықьхадацәа. Уажәтәиаамҭатә аҭыхымҭа XVI, XVII ма XVIII ашәышықәса иаҵанакуазаргьы ҟалоит. Ирҿыцуп XIX-тәи ашәышқәсазы. Еиҳа аинтирес амоуп аныхабаа аҩнуҵҟа, аиаша уҳәозар «Свети» (абаашеиԥшу аргылара) XVII-тәи ашәышықәса анҵәамҭаз асахьаҭыхра, уаҟа ақырҭуа ахымҩаԥгаратә аепизодқәа аарԥшуп (аҭыхрақәа анапхгаҩы асахьаҭыхҩы Григол Гулџьаварасашвили, аиҳабы – Николоз акатоликос). Адәахьылагьы иԥсаху даараӡа ирацәоуп: аҟәырӷ ахәцәа, аҿаԥшылара ахарԥ ахәҭа (уи ахаҳә еҵәала ирҩычоуп) XV-тәи ашәышықәса I азбжа иатәуп (арестоврациа Алеқсандруе I адуӡӡа ила инагӡоуп, Ҭемурленг ижәылара аан аныхабаа даараӡа аԥхасҭа ду азун, уи аамышьҭахь иҟаҵоуп), арелиефтә аҭыхымҭақәа шьоукы рҭыԥ ԥсахуп, XVII-тәи ашәышықәсатә алагамҭақәагьы ыҟоуп, аха арҭ арестоврациақәа еиларымгеит аргылара ишьагәыҭу аформақәеи, апропорциақәеи. [[Афаил:Arsukidze Street.JPG|мини|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа ]] == Аныхабаа ажәытәӡара == Археологиатә маҭәарқәа рыла ишьақәыргылоуп, аԥсыжырҭатәи аҭыԥ уи раҭхьаӡатәи ауахәама андыргылаз инаркны иҟоуп. Идырым ари аҭыԥ аҟны ижу ауаа зусҭоу IV-тәи ашәышықәсанӡа, дҳамԥхьаӡар аивреи Сидониа Иҳақәиҭу ихарԥ игәы инадиҵан, уа иԥсыз анышә дарҭит ахарԥ ашьаҟа аҭыԥ аҟны. Светицховели анышә иаҭоу иазку адырра Вахтанг Горгасали иамадоуп. Иахьазы Вахтанг Горгосали раԥхьатәи иԥсыжырҭатә ахаҳә аанымхеит. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла Светицховеи аҟны Вахтанг Аҳ нас ауп анышә данарҭаз Евстаҭи Мцхеҭатәи. Акгьы дырым аҩыратә хыҵхырҭақәа рылагьы VI-XI –тә ашәышықәсақәа рзы уа анышә иаҭоу рзы. Ишдыру ала [[1010]] – [[1029]] шықәсақәа рзы Светицховелтәи х-нышьак змоу абазилик ирҿыцын, еиҭаҟаҵан акатоликос-апатриарх Мелқиседек I –тәи иаԥшьгарала. иара Мелқиседек I –тәи иакәын раԥхьаӡа анышә иарҭаз ҿыц иргылаз Светицховели аҟны. «Мелқиседек иуасиаҭ-шәҟәы) ала. Уи 1896 шықәсазы иаларҵәан Ҭ. Жорданиа ила. [[1049]] шықәсазы Мелқиседек иаамышьҭахь, иара иадиргылаз алада еквдер аҟны анышә дарҭоит Қырҭтәыла анаҩстәи акатоликос-апатриарх Иоане V ахьҿа. XII –тәи ашәышықәса инаркны ақырҭуа аҩымҭатә хыҵхырҭақәа рыла, анашә иамоу рыҟнытә раԥхьаӡа Светицховели анышә иарҭаз дыруакуп Демна аҳиԥа, Давиҭ V –тәи иҷкәын [[Гьаргь III (Қырҭтәыла)|Гьаргь III]] –тәи иашьаиԥа. Иҟоу агәаанагарала, уи дыҟан светицховели аҟны Багратиониаа рыжәлашьҭра ахаҭарнак анышә иаҭара раԥхьаӡатәи ахҭыс. XIII –тәи ашәышқәса Светицховели иҟалоит Багратиониаа рыԥсыбҩа ҭыԥны. [[1248]] шықәса Светицховели аҟны анышә дарҭит Ула Давиҭ раԥхьатәи иԥҳәыс Аҳԥҳәыс Џьигда-Хаҭуна. [[1271]] шықәса Светицховели анышә дарҭит Лаша-Гьаргь иԥа Улу Давиҭ. Уи ари аныхабаа аҟны Аҳ Багратиониа анышә иаҭара раԥхьатәи ахҭысуп.<ref>{{Cite web |url=https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220?publication=0 |title=Archive copy |access-date=2023-08-25 |archive-date=2020-10-30 |archive-url=https://web.archive.org/web/20201030195508/https://matsne.gov.ge/ka/document/view/99220?publication=0 |url-status=dead }}</ref> [[Афаил:Svetitskhoveli Cathedral.5.jpg|мини|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа ]] == Абаагәара == Светицховели иаакәыршаны иамоуп аквадрат форма змоу аанда (121,6 м; X 110,5 м.). Уи ргылоуп [[1787]] шықәса, Ерекле II –тәи идҵала , уи шьақәнарӷәӷәоит аладатәи аган аҭаларҭа ахы аҟны иҭырҿҿоу анҵамҭа: Иара абри анҵамҭа ала иубоит, Светицховели уаанӡагьы ишамаз аанда-акәырша, уи ахәҭақәа алоуп уажәтәи амрагыларатәи аҭӡы аандаҿы. Абаагәара ажәытә ахәҭа иҟаҵоуп ахаҳә-цәы ала, џьара-џьара аҭыԥынтәи ахаҳәгьы рхы иадырхәон.Ерекли иаамҭатәи аргыларақәа реиҳараӡ аӡииас хаҳә ала ауп ишыргылоу. Аҭӡы иалҳәҳәо аҵәқәеи акылҳарақәеи ақьылмытгьы алоуп. Аанда ҩ-еихагылак амоуп: ҵаҟатәи ахәҭа зегьы зынӡа ишәаҳауп, хыхьтәи иамоуп аиқәԥаратә мҩахәасҭа, аҭӡамц иҭаҟаҵоуп ашәақьқәа, акылҳарақәа. Аанда иалоуп ф-цилиндр форма змоуи ҩба аԥшькәакьҭа змоу абаашқәа. Абаашқәа ҩба-хԥа еихагыла рымоуп. Аҵыхәтәантәи аихагыла ацәахырҭа ауп. Аанда кәырша ладатәи аҭӡы аҟны агәашәхәҷы амоуп. Уи адагьы аладатәи аҩадатәи аҭӡамцқәа рҿы иҭшәоу ашәқәа ҩба амоуп. Аанда амрагыларатәи аган ала аҭӡы иалоуп XI-тәи ашәышқәса аԥенџьыр, асаркьал, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иргылаз аԥсҭазааратәи, ақыҭанхамҩатәи аргыларақәа. Аҟәырӷ хәыҷы зхагылоу ауахәама, аладатәи адыргыларақәа Диубуа де Монперес иҭыхымҭақәа рҿы. ==Алитература== ''ბერიძე ვ.'', ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974; * ''ჩუბინაშვილი გ.'', ქართული ხუროთმოძღვრება საშუალო საუკუნეებში და მისი სამი მთავარი კათედრალი, კრ.:არილი, ტფ., 1925; * ''Гвердцители Р.'', Мцхета, Тб., 1962 * ”საქართველოს ისტორიისა და კულტურის ძეგლთა აღწერილობა” რედკოლეგია: ვ. დოლიძე, ს. კინწურაშვილი, უ. სიდამონიძე, თბილისი 1990, ტომი 5 * Натроев А. Мцхет и его собор Свэти-Цховели. Историко-археологическое описание. 1900 * {{ძმ|1|6-10|სვეტიცხოვლის გალავანში XI საუკუნის კარიბჭის გახსნა}} * {{ძმ|69|25-32|სვეტიცხოველი როგორც განსასვენებელი}} * ''კუდავა ბ.'', ქართველი მეფის დაკრძალვის ადგილი: პიროვნული არჩევანი, ტრადიცია თუ პოლიტიკური გადაწყვეტილება?, „ისტორიანი“ (სამეცნიერო კრებული, მიძღვნილი როინ მეტრეველის დაბადების 80 წლისთავისადმი), თბ., 2019, გვ. 139-167. ==Азхьарԥшқәа== *[http://www.nplg.gov.ge/publishers/monument/index.php?do=view&id=457 სვეტიცხოველი (მცხეთა) | საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი] *[http://www.nplg.gov.ge/publishers/fotoebi/index.php?do=view&id=289 სვეტიცხოველი (მცხეთა) | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა] {{commonscat|Svetitskhoveli}} *[http://www.orthodoxy.ge/tveni/oqtomberi/01-svetitskhoveli.htm სვეტიცხოველი, უფლის კვართის ამბავი]. *[http://orthodoxy.wanex.net/eklesiebi/svetitskhoveli/svetitskhoveli.htm სვეტიცხოვლის შესახებ] {{Webarchive|url=https://web.archive.org/web/20070204055002/http://orthodoxy.wanex.net/eklesiebi/svetitskhoveli/svetitskhoveli.htm |date=2007-02-04 }}. *[http://gzashemecnebisaken.narod.ru/mcxeta.htm გზაშემეცნებისაკენ. მცხეთა - მეორე იერუსალიმი]. *[https://www.academia.edu/42663129/%E1%83%91%E1%83%A3%E1%83%91%E1%83%90_%E1%83%99%E1%83%A3%E1%83%93%E1%83%90%E1%83%95%E1%83%90_%E1%83%A5%E1%83%90%E1%83%A0%E1%83%97%E1%83%95%E1%83%94%E1%83%9A_%E1%83%9B%E1%83%94%E1%83%A4%E1%83%94%E1%83%97%E1%83%90_%E1%83%93%E1%83%90%E1%83%99%E1%83%A0%E1%83%AB%E1%83%90%E1%83%9A%E1%83%95%E1%83%98%E1%83%A1_%E1%83%90%E1%83%93%E1%83%92%E1%83%98%E1%83%9A%E1%83%94%E1%83%91%E1%83%98_Buba_Kudava_The_Burial_Sites_of_the_Georgian_Kings ბუბა კუდავა, ქართველ მეფეთა დაკრძალვის ადგილები / Buba Kudava, The Burial Sites of the Georgian Kings] ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Аԥсны ауахәамақәа]]
Светицховелтәи акафедратә аныхабаа () — Қырҭтәыла аиашахаҵара ауахәама апатриархтә акафедратә уахәама хада, Қырҭтәыла Ан-аныхабаа, Қырҭтәыла акатоликос-апатриарх иқәгылара аҭыԥ, ашәышықәсабжьаразы ирацәаҩны ақырҭуа аҳцәеи рҭаацәра алахәылацәеи апатриархцәа анышә раҭара аҭыԥ ауп, XI ашәышықәса ақырҭуа аргылара абаҟа, ԥшьба акафедратә ныхабаақәа ируаку (Ошки,Баграт иныхабаа, Алаверди). Игылоуп Қарҭ аҟнытә 20 километр инахыганы, ақалақь Мцхеҭа аҟны. Светицховели аҟны ишьҭоуп Иҳақәиҭу ихарԥ, Елиа Азԥхьаҳәаҩ ишәҵа. Иунеско адунеи акультуратә аҭынха абаҟа. мини|слева|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа Аҭоурых Светицховели аҭоурыхтә аныхабаатә аргыларақәа зегьы реиҳаӡа идуу ауп иахьанӡа еиқәханы иҟоу рҟнытә. Уи ашәышықәсақәа рыбжьара ақьырсианратә Қырҭтәыла адинхаҵаратә центрны иҟоуп. IV-тәи ашәышықәсазы ирқьырсианыз Мириан Аҳ, Нино ацқьа лыбжьагарала араҟа раԥхьаӡатәи ауахәама иргылеит, уи ҳара ҳаҟнынӡа изымааит. 1970-1971 шықәсқәа рзы аиҭаргыларатә- арестоврациатә аусурақәа рымҩаԥгара аан, иҭҵаан уи ауасхыр, иара убас ари абазилик зегьы ахсаалагьы ҟаҵан, иара абраҟа иргылан Нино ацқьа луахәама андырбга аамышьҭахь, Вахтанг Горгасали V – тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы. XI- тәи ашәышықәсазы иԥхасҭахаз абазилик аҭыԥ аҟны қарҭлтәи акатоликос Мелқиседек аҽыц ауахәама иргылеит. Уи аргыларазы Арсукисӡе дааиԥхьеит. Аргылара 1010 шықәса иалагеит 1029 шықәсазы иалгеит. Иара аҟазаара ахаан Светицховели изныкымкәа еиҭаҟаҵан. 1283 шықәсазы аныхабаа адгьылҵысра иԥхасҭанатәит. XIV ашәышқәсазы Гьаргь Алаша аныхабаа аҟәырӷ еиҭаҟаиҵит. Иара уи ашәышықәса анҵәамҭазы «Иаварҳҟватә аспацәа Ланг-Ҭемырисаҭа»- идырбгеит амраҭашәаратә ажәҩа аҵә-шьаҟақәа, ихыржәеит аҟәырӷ ахәцәа аха аныхабаа зегьы арбгара рылымшеит. XV-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҳ Алеқсандыр Ду аныхабаа ибзиаӡыны еиҭаҟаиҵит. 1656 шықәсазы Аҳ Ростом, Мариам Аҳԥҳәыси еиҭадыргылеит аҟәырӷ ахәцәа. 1813 шықәса жьҭаара мза 30 аеқзарқос Варлаам иаамҭазы ирҿыцын Светицховелтәи аҭаларҭа-агәашә, уи иунарбоит аепиграфтәи анҵамҭа. Археологиа Светицховелтәи аныхабаа Амрагылара аҟнытә амраҭашәара ахь акыр иҵәрыԥсоу акәакьҭаиаша планс иаман. Аџьар асахьа ақәыԥшылараҿы иргылоу аҟәырӷ аԥшьганк рыла еимадоуп аԥшьба жәҩахырқәа. Ажәҩақәа акәакьҭаиаша рымоуп, амрагыларахьтәи ажәҩа ада, уи аныҳәарҭа аԥсида ала инҵәоит. Аныҳәарҭа аладеи аҩадеи рыҟны ҩ-цәаҳәак ала иҟаҵоуп ацәахырҭақәа. Аҟәырӷ иӷәӷәоу ԥшь-шьаҟак ирықәгылоуп, аҟәырӷ ахәцәа 16 ԥенџьыр амоуп. Аныхабаа акырынтә ахаҿсахьа шаԥсаххьазгьы, ажәытә аҭӡысахьақәа реиҳарак ыҟаӡам, аҭӡамцқәа рыршкәакәара иамнахит уи асахьаҭыхратә акра ахымԥадара егьырҭ аоргантә хәҭақәагьы, уи иахьагьы даараӡа идуу аџьашьахәыра амоуп. Асахьаҭыхра XI-тәи ашәышықәсазы аныхабаа зегь исахьаҭыхын. Абри аамҭатәи асахьаҭыхрақәа иаанхаз зынӡа имаҷуп: аныхабаа амраҭашәаратә ажәҩа амраҭашәаратә аҭыӡы аҟны, асаркьал аҩадатәи-асцена агәырӷьаҽҳәала: Қьырсеи самариттәи аԥҳәыси, анышьа агәҭа алада амраҭашәаратәи ахыргьагьа аҟны – аҵиаатә аџьоуҳар, алада анышьа ажәҩан аршь аҟны еилкаам асцена ацәынхақәа. Егьырҭ аҭыхымҭақәа ихьшәоу аамҭа иатәуп. Аныҳәарҭа аҟны иаанханы иҟоуп асахьаҭыхра хыхьтәи арегистрқәа ҩба. Аконх аҟны иҭыхуп аҳ иҟәардә иантәалоу Қырса иаартна икуп анцәа ишәҟәы, амца зку агьежьқәа ирықәгылоу ҩыџьа амаалықьцәа, ахыргьагьа аҟны азгәыбылҩы сахьа змоу амаалықьцәа ԥшьҩык, аҭӡы аҟны ҩыџьа амаалықьхадацәа. Уажәтәиаамҭатә аҭыхымҭа XVI, XVII ма XVIII ашәышықәса иаҵанакуазаргьы ҟалоит. Ирҿыцуп XIX-тәи ашәышқәсазы. Еиҳа аинтирес амоуп аныхабаа аҩнуҵҟа, аиаша уҳәозар «Свети» (абаашеиԥшу аргылара) XVII-тәи ашәышықәса анҵәамҭаз асахьаҭыхра, уаҟа ақырҭуа ахымҩаԥгаратә аепизодқәа аарԥшуп (аҭыхрақәа анапхгаҩы асахьаҭыхҩы Григол Гулџьаварасашвили, аиҳабы – Николоз акатоликос). Адәахьылагьы иԥсаху даараӡа ирацәоуп: аҟәырӷ ахәцәа, аҿаԥшылара ахарԥ ахәҭа (уи ахаҳә еҵәала ирҩычоуп) XV-тәи ашәышықәса I азбжа иатәуп (арестоврациа Алеқсандруе I адуӡӡа ила инагӡоуп, Ҭемурленг ижәылара аан аныхабаа даараӡа аԥхасҭа ду азун, уи аамышьҭахь иҟаҵоуп), арелиефтә аҭыхымҭақәа шьоукы рҭыԥ ԥсахуп, XVII-тәи ашәышықәсатә алагамҭақәагьы ыҟоуп, аха арҭ арестоврациақәа еиларымгеит аргылара ишьагәыҭу аформақәеи, апропорциақәеи. мини|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа Аныхабаа ажәытәӡара Археологиатә маҭәарқәа рыла ишьақәыргылоуп, аԥсыжырҭатәи аҭыԥ уи раҭхьаӡатәи ауахәама андыргылаз инаркны иҟоуп. Идырым ари аҭыԥ аҟны ижу ауаа зусҭоу IV-тәи ашәышықәсанӡа, дҳамԥхьаӡар аивреи Сидониа Иҳақәиҭу ихарԥ игәы инадиҵан, уа иԥсыз анышә дарҭит ахарԥ ашьаҟа аҭыԥ аҟны. Светицховели анышә иаҭоу иазку адырра Вахтанг Горгасали иамадоуп. Иахьазы Вахтанг Горгосали раԥхьатәи иԥсыжырҭатә ахаҳә аанымхеит. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла Светицховеи аҟны Вахтанг Аҳ нас ауп анышә данарҭаз Евстаҭи Мцхеҭатәи. Акгьы дырым аҩыратә хыҵхырҭақәа рылагьы VI-XI –тә ашәышықәсақәа рзы уа анышә иаҭоу рзы. Ишдыру ала 1010 – 1029 шықәсақәа рзы Светицховелтәи х-нышьак змоу абазилик ирҿыцын, еиҭаҟаҵан акатоликос-апатриарх Мелқиседек I –тәи иаԥшьгарала. иара Мелқиседек I –тәи иакәын раԥхьаӡа анышә иарҭаз ҿыц иргылаз Светицховели аҟны. «Мелқиседек иуасиаҭ-шәҟәы) ала. Уи 1896 шықәсазы иаларҵәан Ҭ. Жорданиа ила. 1049 шықәсазы Мелқиседек иаамышьҭахь, иара иадиргылаз алада еквдер аҟны анышә дарҭоит Қырҭтәыла анаҩстәи акатоликос-апатриарх Иоане V ахьҿа. XII –тәи ашәышықәса инаркны ақырҭуа аҩымҭатә хыҵхырҭақәа рыла, анашә иамоу рыҟнытә раԥхьаӡа Светицховели анышә иарҭаз дыруакуп Демна аҳиԥа, Давиҭ V –тәи иҷкәын Гьаргь III –тәи иашьаиԥа. Иҟоу агәаанагарала, уи дыҟан светицховели аҟны Багратиониаа рыжәлашьҭра ахаҭарнак анышә иаҭара раԥхьаӡатәи ахҭыс. XIII –тәи ашәышқәса Светицховели иҟалоит Багратиониаа рыԥсыбҩа ҭыԥны. 1248 шықәса Светицховели аҟны анышә дарҭит Ула Давиҭ раԥхьатәи иԥҳәыс Аҳԥҳәыс Џьигда-Хаҭуна. 1271 шықәса Светицховели анышә дарҭит Лаша-Гьаргь иԥа Улу Давиҭ. Уи ари аныхабаа аҟны Аҳ Багратиониа анышә иаҭара раԥхьатәи ахҭысуп. мини|Светицховелтәи акафедратә аныхабаа Абаагәара Светицховели иаакәыршаны иамоуп аквадрат форма змоу аанда (121,6 м; X 110,5 м.). Уи ргылоуп 1787 шықәса, Ерекле II –тәи идҵала , уи шьақәнарӷәӷәоит аладатәи аган аҭаларҭа ахы аҟны иҭырҿҿоу анҵамҭа: Иара абри анҵамҭа ала иубоит, Светицховели уаанӡагьы ишамаз аанда-акәырша, уи ахәҭақәа алоуп уажәтәи амрагыларатәи аҭӡы аандаҿы. Абаагәара ажәытә ахәҭа иҟаҵоуп ахаҳә-цәы ала, џьара-џьара аҭыԥынтәи ахаҳәгьы рхы иадырхәон.Ерекли иаамҭатәи аргыларақәа реиҳараӡ аӡииас хаҳә ала ауп ишыргылоу. Аҭӡы иалҳәҳәо аҵәқәеи акылҳарақәеи ақьылмытгьы алоуп. Аанда ҩ-еихагылак амоуп: ҵаҟатәи ахәҭа зегьы зынӡа ишәаҳауп, хыхьтәи иамоуп аиқәԥаратә мҩахәасҭа, аҭӡамц иҭаҟаҵоуп ашәақьқәа, акылҳарақәа. Аанда иалоуп ф-цилиндр форма змоуи ҩба аԥшькәакьҭа змоу абаашқәа. Абаашқәа ҩба-хԥа еихагыла рымоуп. Аҵыхәтәантәи аихагыла ацәахырҭа ауп. Аанда кәырша ладатәи аҭӡы аҟны агәашәхәҷы амоуп. Уи адагьы аладатәи аҩадатәи аҭӡамцқәа рҿы иҭшәоу ашәқәа ҩба амоуп. Аанда амрагыларатәи аган ала аҭӡы иалоуп XI-тәи ашәышқәса аԥенџьыр, асаркьал, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иргылаз аԥсҭазааратәи, ақыҭанхамҩатәи аргыларақәа. Аҟәырӷ хәыҷы зхагылоу ауахәама, аладатәи адыргыларақәа Диубуа де Монперес иҭыхымҭақәа рҿы. Алитература ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974; ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხუროთმოძღვრება საშუალო საუკუნეებში და მისი სამი მთავარი კათედრალი, კრ.:არილი, ტფ., 1925; Гвердцители Р., Мцхета, Тб., 1962 ”საქართველოს ისტორიისა და კულტურის ძეგლთა აღწერილობა” რედკოლეგია: ვ. დოლიძე, ს. კინწურაშვილი, უ. სიდამონიძე, თბილისი 1990, ტომი 5 Натроев А. Мцхет и его собор Свэти-Цховели. Историко-археологическое описание. 1900 კუდავა ბ., ქართველი მეფის დაკრძალვის ადგილი: პიროვნული არჩევანი, ტრადიცია თუ პოლიტიკური გადაწყვეტილება?, „ისტორიანი“ (სამეცნიერო კრებული, მიძღვნილი როინ მეტრეველის დაბადების 80 წლისთავისადმი), თბ., 2019, გვ. 139-167. Азхьарԥшқәа სვეტიცხოველი (მცხეთა) | საქართველოს ისტორიულ ძეგლთა ბიბლიოგრაფიული ლექსიკონი სვეტიცხოველი (მცხეთა) | ქართველოლოგიური წიგნებისა და კრებულების ფოტომასალის აღწერილობა სვეტიცხოველი, უფლის კვართის ამბავი. სვეტიცხოვლის შესახებ . გზაშემეცნებისაკენ. მცხეთა - მეორე იერუსალიმი. ბუბა კუდავა, ქართველ მეფეთა დაკრძალვის ადგილები / Buba Kudava, The Burial Sites of the Georgian Kings Азгәаҭақәа Акатегориа:Аԥсны ауахәамақәа
35171
https://ab.wikipedia.org/wiki/Адунеизегьтәи_амш_ҭаҭында
Адунеизегьтәи амш ҭаҭында
'''Адунеизегьтәи амш ҭаҭында''' ({{date|31|05|}}) — Адунеизегьтәи амш ҭаҭында шьақәырӷәӷәан [[1988]] шықәса рзы Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи ахеилак абзоурала. Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи ахеилак иалнаршоит апланета иқәынхо ауааԥсыра ашьцылара бааԥсы - ауаҩытәыҩса иҭоурых аҿы зегь реиҳа иалаҵәоу аепидемиа - аникотиноманиа рацәыхьчара. Аҭаҭын ахара заҟа ишәарҭоу маҷны ирым ҳәаӡацт. Аҭаҭын ахара ицәырнагоит х-чымазарак: арыԥҳа акьыба; ауаҩ илаҽу абронхит, иара убас аемфизема; ашьа чымазара. Аҭаҭын ахарала ауаҩы игәабзиара иҵишәаауа шәарҭахоит ҭаҭын дахацыԥхьаӡа. Аҭаҭын ахара Ауаҩы заҟа заа далаго, убри аҟара ишәарҭоуп игәабзиара. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Лолуа Е. Некоторые депутаты дали «Донскому табаку» прикурить...»: [вопрос о продаже оздоровительной базы «Донского табака»]/Елена Лолуа//ЭА. - 2012. – 16 октября, (№32). - С.5-6. *Гулия К. Подарок Колумба: [О табаке, который подарил Колумб]/ Константин Гулия//Нужная газета. - 1989. - 1 апреля, (№14). - С.2. [[Акатегориа:Лаҵарамза 31]]
Адунеизегьтәи амш ҭаҭында () — Адунеизегьтәи амш ҭаҭында шьақәырӷәӷәан 1988 шықәса рзы Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи ахеилак абзоурала. Агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи ахеилак иалнаршоит апланета иқәынхо ауааԥсыра ашьцылара бааԥсы - ауаҩытәыҩса иҭоурых аҿы зегь реиҳа иалаҵәоу аепидемиа - аникотиноманиа рацәыхьчара. Аҭаҭын ахара заҟа ишәарҭоу маҷны ирым ҳәаӡацт. Аҭаҭын ахара ицәырнагоит х-чымазарак: арыԥҳа акьыба; ауаҩ илаҽу абронхит, иара убас аемфизема; ашьа чымазара. Аҭаҭын ахарала ауаҩы игәабзиара иҵишәаауа шәарҭахоит ҭаҭын дахацыԥхьаӡа. Аҭаҭын ахара Ауаҩы заҟа заа далаго, убри аҟара ишәарҭоуп игәабзиара. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Лолуа Е. Некоторые депутаты дали «Донскому табаку» прикурить...»: [вопрос о продаже оздоровительной базы «Донского табака»]/Елена Лолуа//ЭА. - 2012. – 16 октября, (№32). - С.5-6. Гулия К. Подарок Колумба: [О табаке, который подарил Колумб]/ Константин Гулия//Нужная газета. - 1989. - 1 апреля, (№14). - С.2. Акатегориа:Лаҵарамза 31
35172
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ахәыҷқәа_рыхьчара_Жәларбжьаратәи_амш
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш
'''Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш''' ({{date|1|06|}}) — рашәарамза 1 азы азгәаҭара шьақәырӷәӷәан абҵарамза 1949 шықәса рзы Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа асессиаҿы. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ахәыҷқәа рзинқәа анеиларго ыҟоуп, убри азы ахәыҷқәа рыхьчара амш - ари ахәыҷқәа зырлахҿыхуа ныҳәан ишыҟоугьы, иара ауаажәларра иргәаланаршәоит ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчалатәу, ахәыҷқәа ирызҳаларц азы насыԥ рыманы, аҵарадырра рыманы, амҩа иаша ылхны, раԥхьаҟа аҭаацәарақәа аԥҵаны ртәыла иаԥсо уааны иҟаларц азы. Иуҳәар ауеит, хықәкы хаданы ишыҟо иаԥшьызгаз рзы ауаажәларра ргәаларшәара ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчалатәу. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Квициния М.В Сухуме новорожденных прибавится: [об открытии сухумского роддома, после ремонта]//КП. - 2009. - 14 авг., (№28). - С.4. *Чача З. Я люблю детей: где десять, там и двенадцать: [о многодетной семье Шурика Хашиг и Марины Чагава]/Зоя Чача//Нужная. - 2009. - 8 сент., (№36). - С.8-9. [[Акатегориа:Рашәарамза 1]]
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш () — рашәарамза 1 азы азгәаҭара шьақәырӷәӷәан абҵарамза 1949 шықәса рзы Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа асессиаҿы. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ахәыҷқәа рзинқәа анеиларго ыҟоуп, убри азы ахәыҷқәа рыхьчара амш - ари ахәыҷқәа зырлахҿыхуа ныҳәан ишыҟоугьы, иара ауаажәларра иргәаланаршәоит ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчалатәу, ахәыҷқәа ирызҳаларц азы насыԥ рыманы, аҵарадырра рыманы, амҩа иаша ылхны, раԥхьаҟа аҭаацәарақәа аԥҵаны ртәыла иаԥсо уааны иҟаларц азы. Иуҳәар ауеит, хықәкы хаданы ишыҟо иаԥшьызгаз рзы ауаажәларра ргәаларшәара ахәыҷқәа рзинқәа шыхьчалатәу. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Квициния М.В Сухуме новорожденных прибавится: [об открытии сухумского роддома, после ремонта]//КП. - 2009. - 14 авг., (№28). - С.4. Чача З. Я люблю детей: где десять, там и двенадцать: [о многодетной семье Шурика Хашиг и Марины Чагава]/Зоя Чача//Нужная. - 2009. - 8 сент., (№36). - С.8-9. Акатегориа:Рашәарамза 1
35170
https://ab.wikipedia.org/wiki/Адунеизегьтәи_акультура_амш
Адунеизегьтәи акультура амш
'''Адунеизегьтәи акультура амш''' ({{date|31|05|}}) — мҩаԥыргоит акультура ахьчараз Жәларбжьаратәи Алига аԥшьгарала. Лаҵарамза 31, [[2003]] шықәса рзы раԥхьаӡа акәны иазгәарҭо иалагеит еиуеиԥшым акультурақәа рыдиалоги рыҿиареи рзы Адунеизегьтәи амш. Адунеизегьтәи акультура амш хықәкы хадас иамоуп– аглобализациа анырра иахҟьаны акультурақәеи, абызшәақәеи, ақьабзқәеи рыбжьаӡра алмыршара. Аԥсны акультура ахьчара азҵаара азҿлымҳара ду арҭоит. Ҳара ҳазгәыдууп амузеиқәа, атеатрқәа, абиблиотекақәа ирымоу аҳаҭыр ҳарак, иара убас урҭ имҩаԥырго ароль ҳауаажәлар ринтеллектуалтәии рдоуҳатәии ԥсҭазаараҿы. Акультура хаҭала ауаа ирыцхраалароуп, еиҳарак абиԥара ҿа, ииашоу амҩа алхраҿы, иарҿыхароуп ацәанырра рмилаҭ азгәыдуреи ртәылауаҩра аԥсахареи рзы. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Копешавидзе Г.Г. Культура и быт абхазов, проживающих в Аджарии: (историко-этнографический очерк). - Тб.: Мецниереба, 1985. [[Акатегориа:Лаҵарамза 31]] [[Акатегориа:Акультура]]
Адунеизегьтәи акультура амш () — мҩаԥыргоит акультура ахьчараз Жәларбжьаратәи Алига аԥшьгарала. Лаҵарамза 31, 2003 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны иазгәарҭо иалагеит еиуеиԥшым акультурақәа рыдиалоги рыҿиареи рзы Адунеизегьтәи амш. Адунеизегьтәи акультура амш хықәкы хадас иамоуп– аглобализациа анырра иахҟьаны акультурақәеи, абызшәақәеи, ақьабзқәеи рыбжьаӡра алмыршара. Аԥсны акультура ахьчара азҵаара азҿлымҳара ду арҭоит. Ҳара ҳазгәыдууп амузеиқәа, атеатрқәа, абиблиотекақәа ирымоу аҳаҭыр ҳарак, иара убас урҭ имҩаԥырго ароль ҳауаажәлар ринтеллектуалтәии рдоуҳатәии ԥсҭазаараҿы. Акультура хаҭала ауаа ирыцхраалароуп, еиҳарак абиԥара ҿа, ииашоу амҩа алхраҿы, иарҿыхароуп ацәанырра рмилаҭ азгәыдуреи ртәылауаҩра аԥсахареи рзы. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Копешавидзе Г.Г. Культура и быт абхазов, проживающих в Аджарии: (историко-этнографический очерк). - Тб.: Мецниереба, 1985. Акатегориа:Лаҵарамза 31 Акатегориа:Акультура
36971
https://ab.wikipedia.org/wiki/The_Rolling_Stones
The Rolling Stones
[[Афаил:Rolling Stones post-show bow London 2018 (41437870405).jpg|thumb|The Rolling Stones (2018)]] '''''The Rolling Stones''''' — [[Британиа Ду|Британиатәи]] амузыкатә гәыԥ ыҟан. == Альбомқәа == * The Rolling Stones (1964) * 12X5 (1964) * Rolling Stones No. 2 (1965) * The Rolling Stones Now! (1965) * Out of Our Heads (1965) * December’s Children (And Everybody’s) (1965) * Aftermath (1966) * Got Live If You Want It! (1966) * Between the Buttons (1967) * Flowers (1967) * Their Satanic Majesties Request (1967) * Beggars Banquet (1968) * Let It Bleed (1969) * Get Yer Ya Ya’s Out (1970) (Live) * Sticky Fingers (1971) * Exile on Main St. (1972) * Jamming with Edward (1972) * Goats Head Soup (1973) * It's Only Rock 'N Roll (1974) * Black and Blue (1976) * Love You Live (1977) (Live) * Some Girls (1978) * Emotional Rescue (1981) * Tattoo You (1981) * Still Life (1982) (Live) * Undercover (1983) * Dirty Work (1986) * Steel Wheels (1989) * Flashpoint (1991) (Live) * Voodoo Lounge (1994) * Stripped (1995) (Live) * The Rolling Stones Rock and Roll Circus (1996) (Live) * Bridges to Babylon (1997) * No Security (1998) (Live) * Live Licks (2004) (Live) * A Bigger Bang (2005) * Blue & Lonesome (2016) * Hackney Diamonds (2023) == Азхьарԥшқәа == {{Commons|The Rolling Stones}} [[Акатегориа:Британиатәи амузыка]]
The Rolling Stones — Британиатәи амузыкатә гәыԥ ыҟан. Альбомқәа The Rolling Stones (1964) 12X5 (1964) Rolling Stones No. 2 (1965) The Rolling Stones Now! (1965) Out of Our Heads (1965) December’s Children (And Everybody’s) (1965) Aftermath (1966) Got Live If You Want It! (1966) Between the Buttons (1967) Flowers (1967) Their Satanic Majesties Request (1967) Beggars Banquet (1968) Let It Bleed (1969) Get Yer Ya Ya’s Out (1970) (Live) Sticky Fingers (1971) Exile on Main St. (1972) Jamming with Edward (1972) Goats Head Soup (1973) It's Only Rock 'N Roll (1974) Black and Blue (1976) Love You Live (1977) (Live) Some Girls (1978) Emotional Rescue (1981) Tattoo You (1981) Still Life (1982) (Live) Undercover (1983) Dirty Work (1986) Steel Wheels (1989) Flashpoint (1991) (Live) Voodoo Lounge (1994) Stripped (1995) (Live) The Rolling Stones Rock and Roll Circus (1996) (Live) Bridges to Babylon (1997) No Security (1998) (Live) Live Licks (2004) (Live) A Bigger Bang (2005) Blue & Lonesome (2016) Hackney Diamonds (2023) Азхьарԥшқәа Акатегориа:Британиатәи амузыка
37013
https://ab.wikipedia.org/wiki/Бусхьаки
Бусхьаки
{{Аҵакырацәа|Бусхьаки}} * [[Исхьак Бусхьаки, Мустафа|Мустафа Исхьак Бусхьаки]] — Алжир астрофизик, акосмолог, атеориатә физик. * [[Бусхьаки, Мухаммад Аль-Сагир|Мухаммад Аль-Сагир Бусхьаки]] — Алжир aполитикцәа политик. * [[Бусхьаки, Сиди|Сиди Бусхьаки]] — Алжир бусалбанийн динан Ӏилманхо.
Мустафа Исхьак Бусхьаки — Алжир астрофизик, акосмолог, атеориатә физик. Мухаммад Аль-Сагир Бусхьаки — Алжир aполитикцәа политик. Сиди Бусхьаки — Алжир бусалбанийн динан Ӏилманхо.
37010
https://ab.wikipedia.org/wiki/Бусхьаки,_Сиди
Бусхьаки, Сиди
{{Аиҭагара|ru|Сиди Бусхаки}} {{Акарточка ауаҩы}} '''Сиди Бусхьаки''' ({{lang-en|Sidi Boushaki}}; [[1394]], [[Сумаа]] - [[1453]], [[Сумаа]]) — [[Амалики]] [[теолог]]. Диит [[Сумаа]] ақыҭаҿы, [[Тениа]] ақалақь ааигәаны.<ref>[https://archive.org/details/Dawou_Lami/Dwu_Lamea_01/page/n118/mode/2up الضوء اللامع لأهل القرن التاسع : Yedali : Free Download, Borrow, and Streaming : Internet Archive]</ref><ref>{{Cite web |url=https://books.google.dz/books?id=HQh7DwAAQBAJ&pg=PT94 |title=الضوء اللامع لأهل القرن التاسع 1-6 ج1 — شمس الدين محمد بن عبد الرحمن/السخاوي — Google Livres |access-date=2022-03-27 |archive-date=2022-04-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220401194851/https://books.google.dz/books?id=HQh7DwAAQBAJ&pg=PT94}}</ref><ref>[https://archive.org/details/chajarat-annour/chajarat-nour-01/page/n261/mode/2up شجرة النور الزكية في طبقات المالكية — محمد مخلوف (نسخة واضحة ومنسقة) : Free Download, Borrow, and Streaming : Internet Archive]</ref><ref>{{Cite web |url=https://books.google.dz/books?id=Xy10DwAAQBAJ&pg=PA378 |title=شجرة النور الزكية في طبقات المالكية 1-2 ج1 — محمد بن محمد مخلوف ،الشيخ — Google Livres |access-date=2022-03-27 |archive-date=2022-04-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220401110801/https://books.google.dz/books?id=Xy10DwAAQBAJ&pg=PA378}}</ref><ref>[https://archive.org/details/Neilu_AlIbtihaj_Bi_Tatriz_Dibaj/page/n56/mode/2up نيل الابتهاج بتطريز الديباج : Yedali : Free Download, Borrow, and Streaming : Internet Archive]</ref><ref>{{Cite web |url=https://books.google.dz/books?id=ab9KDwAAQBAJ&pg=PA51 |title=نيل الابتهاج بتطريز الديباج — أحمد بابا/التنبكتي — Google Livres |access-date=2022-03-27 |archive-date=2018-05-22 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180522041852/https://books.google.dz/books?id=ab9KDwAAQBAJ&pg=PA51}}</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} ==Алитература== {{Commonscat|Sidi Boushaki}} * [https://www.youtube.com/watch?v=4GFksPnZ21M|1- Сиди Бусхьаки (1394-1453) - Youtube] * [https://www.youtube.com/watch?v=nasJ0roDFac|2- Сиди Бусхьаки - Youtube] * [https://www.youtube.com/watch?v=7a-kVGdR1rY|3- Сиди Бусхьаки - Youtube] * [https://www.youtube.com/watch?v=gEpddqSnvwY|4- Сиди Бусхьаки - Youtube] * [https://www.youtube.com/watch?v=iPO12bLkbe4|5- Сиди Бусхьаки - Youtube] {{DEFAULTSORT:Бусхьаки, Сиди}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1394 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:1453 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Алжиртәи аимамцәа]] [[Акатегориа:Алжиртәи асуфи ацқьацәа]] [[Акатегориа:Алжиртәи асуфицәа]] [[Акатегориа:Алжиртәи ашаризм]] [[Акатегориа:Алжиртәи Амаликитә ҵарауаа]] [[Акатегориа:Абербер аҵарауаа]] [[Акатегориа:Аҟабылцәа]] [[Акатегориа:Бусхьакиаа]]
Сиди Бусхьаки (; 1394, Сумаа - 1453, Сумаа) — Амалики теолог. Диит Сумаа ақыҭаҿы, Тениа ақалақь ааигәаны.الضوء اللامع لأهل القرن التاسع : Yedali : Free Download, Borrow, and Streaming : Internet Archiveشجرة النور الزكية في طبقات المالكية — محمد مخلوف (نسخة واضحة ومنسقة) : Free Download, Borrow, and Streaming : Internet Archiveنيل الابتهاج بتطريز الديباج : Yedali : Free Download, Borrow, and Streaming : Internet Archive Азгәаҭақәа Алитература Сиди Бусхьаки (1394-1453) - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Сиди Бусхьаки - Youtube Акатегориа:1394 шықәсазы ииз Акатегориа:1453 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Алжиртәи аимамцәа Акатегориа:Алжиртәи асуфи ацқьацәа Акатегориа:Алжиртәи асуфицәа Акатегориа:Алжиртәи ашаризм Акатегориа:Алжиртәи Амаликитә ҵарауаа Акатегориа:Абербер аҵарауаа Акатегориа:Аҟабылцәа Акатегориа:Бусхьакиаа
37207
https://ab.wikipedia.org/wiki/Еныкь,_Леонид_Шамел-иԥа
Еныкь, Леонид Шамел-иԥа
'''Леонид Шамел-иԥа Еныкь''' (диит {{date|2|6|1960}}) — Аԥсны аҿыханҵаҩ. ==Абиографиа== [[Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа]] даналга ашьҭахь, дҭалоит [[Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа]]. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы директорс дыҟан, иамаз афонд ахьчареи аиҭарҿыцреи азуреи дазааԥсон. Л.Ш. Еник иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура министрс аус иуан. Иахьатәи аамҭаз иара А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿ дырҵаҩуп. Леонид Шамел-иԥа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа Аԥсни аҳәаанырцәи дрылахәхахьан: Ҭырқәтәыла, Италиа. Иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас аҳәаанырцә, ахатә коллекциақәа рҿы. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Абхазское искусство: живопись. Скульптура. Графика. Декоративно-прикладное искусство. XX век//Мин-во культуры РА; Союз художников РА; СПб. абх. об-во «Апсны». - Сухум: СПб.: «Рус.классика», 2004. - 136 с. *Абхазы/Отв. ред. Ю.Д. Анчабадзе, Ю.Г. Аргун; Ин-т этнологии и антропологии им. Н.Н. Миклухо - Маклая РАН; Абхазский ин-т гуманитарных исследований им. Д.И. Гулиа. - М.: Наука, 2007. - 551 с. [[Акатегориа:Рашәарамза 2 рзы ииз]] [[Акатегориа:1960 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура министрцәа]]
Леонид Шамел-иԥа Еныкь (диит ) — Аԥсны аҿыханҵаҩ. Абиографиа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы директорс дыҟан, иамаз афонд ахьчареи аиҭарҿыцреи азуреи дазааԥсон. Л.Ш. Еник иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура министрс аус иуан. Иахьатәи аамҭаз иара А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿ дырҵаҩуп. Леонид Шамел-иԥа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа Аԥсни аҳәаанырцәи дрылахәхахьан: Ҭырқәтәыла, Италиа. Иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас аҳәаанырцә, ахатә коллекциақәа рҿы. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазское искусство: живопись. Скульптура. Графика. Декоративно-прикладное искусство. XX век//Мин-во культуры РА; Союз художников РА; СПб. абх. об-во «Апсны». - Сухум: СПб.: «Рус.классика», 2004. - 136 с. Абхазы/Отв. ред. Ю.Д. Анчабадзе, Ю.Г. Аргун; Ин-т этнологии и антропологии им. Н.Н. Миклухо - Маклая РАН; Абхазский ин-т гуманитарных исследований им. Д.И. Гулиа. - М.: Наука, 2007. - 551 с. Акатегориа:Рашәарамза 2 рзы ииз Акатегориа:1960 шықәсазы ииз Акатегориа:Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура министрцәа
37203
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кәасҭа_III
Кәасҭа III
{{Акарточка аполитик |ахьӡ=Кәасҭа III |амаҵура=Аԥсҳа |инаркны=[[899]] |рҟынӡа=[[929]] |абираҟ=Flag of Abasgeti.svg |аԥхьа иҟаз=[[Баграт I (Аԥсҳа)|Баграт I]] |аҭынха=[[Гьаргь II]] |аира арыцхә=? |аира аҭыԥ=[[Аԥсуа Аҳраду]] |аԥсра арыцхә=[[929]] |аԥсра аҭыԥ=[[Аԥсуа Аҳраду]] |ани аби=[[Баграт I (Аԥсҳа) |Баграт I]] |ахәыҷқәа=ҩыџьа аԥҳацәа, Гьаргь II, Баграт |аусура= |ауацәа= |даҽа ахьӡ=Константин III, Кәаҵиа III|аԥҳәыс=1) таиктәи аҳԥҳа, Адарнас иԥҳа. 2) аермантә аҳԥҳа, [[Сымбаҭ I]] иԥҳа.}} '''Константин III''', иара убасгьы '''Кәаҵиа III''', '''Кәасҭа III'''<ref>Константин - уи бырзен формоуп. Кәсҭа уи Константин ԥсышәалоуп.</ref><ref name=":2">{{Ашәҟәы|Ашықәс=2022|Ажәла=Кәҵниа|Ахьӡ=Иура|Астатиа ахьӡ=Аԥсҳара|Аҭыԥ=Аҟәа|Адаҟьа=42|Азхьарԥш=https://docs.yandex.ru/docs/view?url=ya-disk-public%3A%2F%2FzC9jHlcfQ3xuKbKCE5YZcsKdLYhBhRhfW49qOnusHnCHO4p6Ltx43GJq%2Bo2pFGRhq%2FJ6bpmRyOJonT3VoXnDag%3D%3D&name=Kvitsiniya_Yu_Apskhara_2022.pdf&nosw=1}}</ref>— Аԥсҳа (899-929). == Абиографиа == Кәасҭа — [[Баграт I (Аԥсҳа)|Баграт I]] диԥоуп<ref name=":0">{{Ашәҟәы|Ашықәс=2000|Ажәла=Чачхал|Ахьӡ=Денис|Астатиа ахьӡ=Аԥсҳацәа рышықәснҵыра|Азхьарԥш=https://docs.yandex.ru/docs/view?url=ya-disk-public%3A%2F%2FUWee98b%2Fd1PEzOgsFByhUO9HwdtfrB5kfHQUCKn7fh4%3D&name=chachkhalia_d_khronika_abkhazskikh_tsarei_2000.pdf|Аҭыԥ=Москва}}</ref>. 904 шықәсазы Кәасҭа [[Қарҭли]] игеит, уи ашәамахьцәа рҳәынҭқар Сымбаҭ игәамԥхеит, Кәасҭа ихатә гәаԥхарала Қарҭли ахақәиҭтәра идигалеит. Кәасҭа игәыԥжәаны аҭак ҟаиҵеит: <blockquote>«Сара сыԥсадгьыл аҟынтә ҭыԥк шусымҭо»<ref name=":0" />.</blockquote>[[Сымбаҭ I|Сымбаҭи]] [[Ҭаик-Қларџьеҭ]] аҳ [[Адарнас|Адарнаси]] дидгыланы аԥсуаа дырҿагылеит. Кәасҭа III аибашьра иҽацәихьчеит, аиҿцәажәарақәа рахь дцеит, уи аамҭазы Адарнас напхгара ззиуаз таиктәи аамсҭацәа дырбаандыҩыртәит. Амала, ԥыҭрак ашьҭахь, ашәамахьцәа раҳ [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] еиликааит Кәасҭа III ихаҭыԥан иҷкәын, иӷьеҩу иԥсымчхароу — [[Гьаргь II|аҳиԥа Гьаргь]], аҳра дахадыргыларц ргәы ишҭаз<ref name=":0" />. Убасҟан [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] Кәасҭа III ихы дақәиҭитәит, аинышәара ҟаиҵеит, еиҳараӡакгьы араԥтәи ақәылара ҿыц ааигәахон, аԥсуааи Шәамахьтәыла иаҿагылаз ауааи дареи еидгылар рылшон. Убри иахҟьаны [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] Қарҭли аанижьит, инапы ианиҵаз абаа [[Уԥлисцихе|Уԥлис-Цыхьгьы]] ииҭеит, иԥҳагьы Кәасҭа III ԥҳәысс диҭеит<ref name=":1">{{Ашәҟәы|Ашықәс=2010|Ажәла=Кәакәасқьыр|Ахьӡ=Ирина|Астатиа ахьӡ=Аԥсны аҭоурых|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/1980-kuakuaskir_i_istoriya_abkhazii_5_9_klassy_2010.html|Аҭыԥ=Аҟәа}}</ref>. Арахь Шәамахьтәылеи Аԥсынтәылеи раҳрақәа заа еиуацәан, избанзар [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] иԥа Мушьег ԥҳәысс диман Кәасҭа иԥҳа. Уажәы урҭ реизыҟазаашьа еиҳагьы еизааигәахеит. Насгьы аԥҳәыс-шәамахь лҟынтә Кәасҭа диоуит аԥа, Баграт ҳәа зыхьӡыртәыз<ref name=":0" />. Абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] ихаҭагьы ҩынтә мызқәак рыҩнуҵҟа Аԥсныҟа иҽиҵәахыр акәхеит. 908 ашықәсазы ашәамахь нахарарцәа рыбжьара [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] иҿагыланы ацәгьаршра аныҟарҵа, Кәасҭа ацхыраара ду ҟаиҵеит. Анаҩс, 909 шықәсазы Кәасҭа III [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] дидгылеит араԥтәи аемир Исыф (Иусуф) диҿагыларазы<ref name=":0" />. 914 ашықәсазы [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] уеизгьы араԥцәа дыршьит. [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] диҭынхеит иԥа Ашоҭ Аихатә. 920 шықәсазы Аԥснытәи аҳрахь дцан, 906 шықәсазы арабцәа рымпыҵахалара аламҭалазы иаб Кәасҭеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә аинышәара инақәыршәаны ацхыраара даҳәеит<ref name=":1" />. == Аԥсҳа Кәасҭа III ишихцәажәоз == 906 шықәсазы Кәасҭа III бџьар мчыла аиааира игеит, насгьы Аԥсуа аҳра иадиҵеит мрагыларахьтәи ақырҭуа атәылаҿацә Ереҭ. Аԥсҳа Константин идҵала, аиааирагатә аекспедициа аҳаҭыр азы абраҟа, Ереҭдәы ақалақь аҿы, ауахәама еиҿыркааит<ref name=":0" />. Ауахәамаҿы иануп<ref name=":0" />:<blockquote>''Аб-Анцәа, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи рыхьӡала, Нанҳәа Цқьеи Ацқьа Гьаргьи рыцхыраарала, Анцәа иқәшаҳаҭыз Аԥсҳа Кәасҭа ихаан, Ереҭҟа инеиз, дирбналеит ереҭаа рыԥсҳа, убрантәи ҭынч дхынҳәны, шьыжьы дныҳәеит Алаверди аҿы, Бреӡаҿ дыԥхьеит. Ҩаԥхьа дҩагыланы Веџьынтәи абааш иқәихит, Иуа''<ref>''Иване, ма Иуана Ҭбели''</ref> ''Ҭбели Қарҭли иаҳмадараан, аԥсқәабазхада ихаан. Иџьарла, Никозатәи аҷҟәындар Стеԥан игәҭакы инақәыршәаны, исзааигәаз рыцхараарала сара, Ҭеодоре Таԥлаисӡе ашьаҭа шьақәсыргылеит. Ашықәс 6510 (906 ш.)''<ref name=":0" /></blockquote>Кәасҭа иҟаиҵаз мраҭашәаратәи ақыруа дгьылқәа рымхра, насгьы Аԥсуа аҳраду ахәҭакра, Кәыра аӡиас аԥшаҳәаҿы иҟоу Самцевристәи аныхабааш аҟынтәи даҽа ҩыракгьы<ref name=":0" />: [[Афаил:Samtsevrisichurch.jpg|мини|280x280пкс|Ауахәама [[Самцевриси]], Константин III иԥсҳараан иргылаз.<ref name=":0" />]]<blockquote>''Аԥсҳа Кәасҭа 20 ишықәса ихыҵразы, сара, Самцевристәи ауахәама апапхада, Домниноси, Гьаргьи Тулаисаӡеи абаагәарахьы аӡымҩахгага наргеит...''<ref name=":0" /></blockquote>Аԥсҳа Кәасҭа ихьӡ ануп 923-926 шықәсқәа рыбжьара иҟаҵаз Меџьудека аӡхықәчаԥа аҟны. Иара убасгьы ихьӡ ануп Шемокмедтәи аберҭыԥ аҿы џьашьахәыз алабашьа, аԥсқәабазхада изтәыз, уи аҩыраҿы иануп<ref name=":0" />:<blockquote>''Қьырса, Аԥсҳа Кәасҭа дҳаракы''<ref name=":2" />''.''</blockquote>Арҭ аепиграфтә баҟақәа иаҳдырбоит Аԥсҳа ӷәӷәала аҩныҵҟатәи Қарҭли инапаҿы ишыҟаз, мрагыларахьгьы Аԥсуа аҳраду аҳәаақәа акыр ишырҭбааз. Кәасҭа ақьырсианра аларҵәара далагеит, насгьы Анцәа дхазцо уаҩ иакәын. Убас, иара ихаан, Ҟәбина ауахәамақәа ԥыҭк дыргылеит. Кәасҭа Константинополтәи апатриарх Никәала (Николаи) Амистик ирҽхәара даԥсоуп, уи иҭабуп ҳәа ззырҳәоз ашәҟәы изиҩҩит, насгьы Аԥсҳа Уаԥстәыла аиашахаҵаратә қьырсианра ашьақәыргылараҿы имиссионертә ҟазшьақәа рзы азгәеиҭеит<ref name=":0" />:<blockquote>''Абасгиа анапхгаҩы хьӡи-ԥшеи змоу изы... Анцәа иҟынтә иҟашәҵаз агәацԥыҳәара шьақәзырӷәӷәоит, шәара шәеихьӡарақәа ртәы еиуеиԥшым адырра змоу ауаа рҟынтәи иаҳдырыз ауаԥс жәлар реиқәырхаразы, раарԥшразы, иагьаашәырԥшуеит; Анцәа ицхыраарала Аланиа анапхгаҩи иара ицны иԥшьоу аӡӡаахра здызкылаз ауааи рыларҵәара даараӡа шәгәы ишҭаз''<ref name=":0" />''.''</blockquote> == Аҭаацәара == Кәасҭа ҩыџьа аҳәсацәа иман. Раԥхьатәи иԥҳәыс Адарнас иԥҳа лакәын<ref name=":0" />. Аҩбатәи иԥҳәыс [[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] иԥҳа лакәын<ref name=":0" />. Раԥхьатәи аибагараҿ иит<ref name=":1" />: * хьӡы змам иԥҳа, [[:ru:Ашот_Кискаси|Ашоҭ Кискаси]] иԥҳәыс * хьӡы змам иԥҳа, Мушьег иԥҳәыс ([[Сымбаҭ I|Сымбаҭ]] иԥа) * [[Гьаргь II|иԥа Гьаргь, ԥхьаҟатәи Гьаргь II.]] Аҩбатәи аибагараҿ диит<ref name=":0" />: * иԥа Баграт (908-930), аҳ иҭыԥ азы ақәԥаҩ. == Алитература == * {{Ашәҟәы|Ашықәс=2022|Ажәла=Кәҵниа|Ахьӡ=Иура|Астатиа ахьӡ=Аԥсҳара|Аҭыԥ=Аҟәа|Адаҟьа=42|Азхьарԥш=https://docs.yandex.ru/docs/view?url=ya-disk-public%3A%2F%2FzC9jHlcfQ3xuKbKCE5YZcsKdLYhBhRhfW49qOnusHnCHO4p6Ltx43GJq%2Bo2pFGRhq%2FJ6bpmRyOJonT3VoXnDag%3D%3D&name=Kvitsiniya_Yu_Apskhara_2022.pdf&nosw=1}} == Азгәаҭқәа == <references /> [[Акатегориа:9-тәи ашәышықәсазы ииз]] [[Акатегориа:923 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсҳацәа]] [[Акатегориа:Ачаа]]
Константин III, иара убасгьы Кәаҵиа III, Кәасҭа IIIКонстантин - уи бырзен формоуп. Кәсҭа уи Константин ԥсышәалоуп.— Аԥсҳа (899-929). Абиографиа Кәасҭа — Баграт I диԥоуп. 904 шықәсазы Кәасҭа Қарҭли игеит, уи ашәамахьцәа рҳәынҭқар Сымбаҭ игәамԥхеит, Кәасҭа ихатә гәаԥхарала Қарҭли ахақәиҭтәра идигалеит. Кәасҭа игәыԥжәаны аҭак ҟаиҵеит: «Сара сыԥсадгьыл аҟынтә ҭыԥк шусымҭо».Сымбаҭи Ҭаик-Қларџьеҭ аҳ Адарнаси дидгыланы аԥсуаа дырҿагылеит. Кәасҭа III аибашьра иҽацәихьчеит, аиҿцәажәарақәа рахь дцеит, уи аамҭазы Адарнас напхгара ззиуаз таиктәи аамсҭацәа дырбаандыҩыртәит. Амала, ԥыҭрак ашьҭахь, ашәамахьцәа раҳ Сымбаҭ еиликааит Кәасҭа III ихаҭыԥан иҷкәын, иӷьеҩу иԥсымчхароу — аҳиԥа Гьаргь, аҳра дахадыргыларц ргәы ишҭаз. Убасҟан Сымбаҭ Кәасҭа III ихы дақәиҭитәит, аинышәара ҟаиҵеит, еиҳараӡакгьы араԥтәи ақәылара ҿыц ааигәахон, аԥсуааи Шәамахьтәыла иаҿагылаз ауааи дареи еидгылар рылшон. Убри иахҟьаны Сымбаҭ Қарҭли аанижьит, инапы ианиҵаз абаа Уԥлис-Цыхьгьы ииҭеит, иԥҳагьы Кәасҭа III ԥҳәысс диҭеит. Арахь Шәамахьтәылеи Аԥсынтәылеи раҳрақәа заа еиуацәан, избанзар Сымбаҭ иԥа Мушьег ԥҳәысс диман Кәасҭа иԥҳа. Уажәы урҭ реизыҟазаашьа еиҳагьы еизааигәахеит. Насгьы аԥҳәыс-шәамахь лҟынтә Кәасҭа диоуит аԥа, Баграт ҳәа зыхьӡыртәыз. Абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь Сымбаҭ ихаҭагьы ҩынтә мызқәак рыҩнуҵҟа Аԥсныҟа иҽиҵәахыр акәхеит. 908 ашықәсазы ашәамахь нахарарцәа рыбжьара Сымбаҭ иҿагыланы ацәгьаршра аныҟарҵа, Кәасҭа ацхыраара ду ҟаиҵеит. Анаҩс, 909 шықәсазы Кәасҭа III Сымбаҭ дидгылеит араԥтәи аемир Исыф (Иусуф) диҿагыларазы. 914 ашықәсазы Сымбаҭ уеизгьы араԥцәа дыршьит. Сымбаҭ диҭынхеит иԥа Ашоҭ Аихатә. 920 шықәсазы Аԥснытәи аҳрахь дцан, 906 шықәсазы арабцәа рымпыҵахалара аламҭалазы иаб Кәасҭеи ирыбжьарҵаз аиҩызаратә аинышәара инақәыршәаны ацхыраара даҳәеит. Аԥсҳа Кәасҭа III ишихцәажәоз 906 шықәсазы Кәасҭа III бџьар мчыла аиааира игеит, насгьы Аԥсуа аҳра иадиҵеит мрагыларахьтәи ақырҭуа атәылаҿацә Ереҭ. Аԥсҳа Константин идҵала, аиааирагатә аекспедициа аҳаҭыр азы абраҟа, Ереҭдәы ақалақь аҿы, ауахәама еиҿыркааит. Ауахәамаҿы иануп:Аб-Анцәа, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи рыхьӡала, Нанҳәа Цқьеи Ацқьа Гьаргьи рыцхыраарала, Анцәа иқәшаҳаҭыз Аԥсҳа Кәасҭа ихаан, Ереҭҟа инеиз, дирбналеит ереҭаа рыԥсҳа, убрантәи ҭынч дхынҳәны, шьыжьы дныҳәеит Алаверди аҿы, Бреӡаҿ дыԥхьеит. Ҩаԥхьа дҩагыланы Веџьынтәи абааш иқәихит, ИуаИване, ма Иуана Ҭбели Ҭбели Қарҭли иаҳмадараан, аԥсқәабазхада ихаан. Иџьарла, Никозатәи аҷҟәындар Стеԥан игәҭакы инақәыршәаны, исзааигәаз рыцхараарала сара, Ҭеодоре Таԥлаисӡе ашьаҭа шьақәсыргылеит. Ашықәс 6510 (906 ш.)Кәасҭа иҟаиҵаз мраҭашәаратәи ақыруа дгьылқәа рымхра, насгьы Аԥсуа аҳраду ахәҭакра, Кәыра аӡиас аԥшаҳәаҿы иҟоу Самцевристәи аныхабааш аҟынтәи даҽа ҩыракгьы: мини|280x280пкс|Ауахәама Самцевриси, Константин III иԥсҳараан иргылаз.Аԥсҳа Кәасҭа 20 ишықәса ихыҵразы, сара, Самцевристәи ауахәама апапхада, Домниноси, Гьаргьи Тулаисаӡеи абаагәарахьы аӡымҩахгага наргеит...Аԥсҳа Кәасҭа ихьӡ ануп 923-926 шықәсқәа рыбжьара иҟаҵаз Меџьудека аӡхықәчаԥа аҟны. Иара убасгьы ихьӡ ануп Шемокмедтәи аберҭыԥ аҿы џьашьахәыз алабашьа, аԥсқәабазхада изтәыз, уи аҩыраҿы иануп:Қьырса, Аԥсҳа Кәасҭа дҳаракы.Арҭ аепиграфтә баҟақәа иаҳдырбоит Аԥсҳа ӷәӷәала аҩныҵҟатәи Қарҭли инапаҿы ишыҟаз, мрагыларахьгьы Аԥсуа аҳраду аҳәаақәа акыр ишырҭбааз. Кәасҭа ақьырсианра аларҵәара далагеит, насгьы Анцәа дхазцо уаҩ иакәын. Убас, иара ихаан, Ҟәбина ауахәамақәа ԥыҭк дыргылеит. Кәасҭа Константинополтәи апатриарх Никәала (Николаи) Амистик ирҽхәара даԥсоуп, уи иҭабуп ҳәа ззырҳәоз ашәҟәы изиҩҩит, насгьы Аԥсҳа Уаԥстәыла аиашахаҵаратә қьырсианра ашьақәыргылараҿы имиссионертә ҟазшьақәа рзы азгәеиҭеит:Абасгиа анапхгаҩы хьӡи-ԥшеи змоу изы... Анцәа иҟынтә иҟашәҵаз агәацԥыҳәара шьақәзырӷәӷәоит, шәара шәеихьӡарақәа ртәы еиуеиԥшым адырра змоу ауаа рҟынтәи иаҳдырыз ауаԥс жәлар реиқәырхаразы, раарԥшразы, иагьаашәырԥшуеит; Анцәа ицхыраарала Аланиа анапхгаҩи иара ицны иԥшьоу аӡӡаахра здызкылаз ауааи рыларҵәара даараӡа шәгәы ишҭаз. Аҭаацәара Кәасҭа ҩыџьа аҳәсацәа иман. Раԥхьатәи иԥҳәыс Адарнас иԥҳа лакәын. Аҩбатәи иԥҳәыс Сымбаҭ иԥҳа лакәын. Раԥхьатәи аибагараҿ иит: хьӡы змам иԥҳа, Ашоҭ Кискаси иԥҳәыс хьӡы змам иԥҳа, Мушьег иԥҳәыс (Сымбаҭ иԥа) иԥа Гьаргь, ԥхьаҟатәи Гьаргь II. Аҩбатәи аибагараҿ диит: иԥа Баграт (908-930), аҳ иҭыԥ азы ақәԥаҩ. Алитература Азгәаҭқәа Акатегориа:9-тәи ашәышықәсазы ииз Акатегориа:923 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсҳацәа Акатегориа:Ачаа
37242
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҟатар
Ҟатар
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Ҟатар абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Ҟатар агерб |агимн=National anthem of Qatar.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Ҟатар агимн |амаҵураҭыԥ1=Аемир |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=6}} '''Ҟатар''' ({{lang-ar|قطر [Ҟатар]}}), аофициалтә хьӡы: '''Ҟатар Аҳәынҭқарра''''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 251 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-ar|دولة قطر [Даулат Ҟатар]}}) — [[Мраҭашәаратәи Азиа]] иҟоу [[аемират]], [[Аџьамтә ӡыбжьахала]] ага иқәу. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Ҟатар| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Амонархиақәа]] [[Акатегориа:Аемиратқәа]] [[Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа]]
Ҟатар (), аофициалтә хьӡы: Ҟатар Аҳәынҭқарра' () — Мраҭашәаратәи Азиа иҟоу аемират, Аџьамтә ӡыбжьахала ага иқәу. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Амонархиақәа Акатегориа:Аемиратқәа Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа
37248
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ливан
Ливан
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Ливан абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Ливан агерб |агимн=Lebanese_national_anthem.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Ливан агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=6}} '''Ливан''' ({{lang-ar|لبنان [Лубнан]}}), аофициалтә хьӡы: '''Ливантәи Ареспублика''''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 258 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-ar|الجمهورية اللبنانية [Ель-Џьумҳурииа ель-Лубнанииа]}}) — Мраҭашәара-[[азиа]]тәи атәыла. Иҟоуп [[Адгьылбжьаратәи амшын]] ага иқәу. [[Афаил:Satellite image of Lebanon in March 2002.jpg|мини|Ливан]] ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Ливан| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]] [[Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа]]
Ливан (), аофициалтә хьӡы: Ливантәи Ареспублика' () — Мраҭашәара-азиатәи атәыла. Иҟоуп Адгьылбжьаратәи амшын ага иқәу. мини|Ливан Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа Акатегориа:Амраҭашәара-азиатәи атәылақәа
37252
https://ab.wikipedia.org/wiki/Лаос
Лаос
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Лаос абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Лаос агерб |агимн=National Anthem of Laos.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Лаос агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=5}} '''Лаос''' ({{lang-lo|ລາວ [Лао]}}), аофициалтә хьӡы: '''Лаостәи Жәлартә-Демократиатә Республика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 257 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-lo|ສາທາລະນະລັດ ປະຊາທິປະໄຕ ປະຊາຊົນລາວ [Саҭаланалат Пахаҭипатаи Паххуон Лао]}}) — алада-мрагыларатәи [[Азиа]]ҿы иҟоу атәыла. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Лаос| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]] [[Акатегориа:Акоммунисттә тәылақәа]]
Лаос (), аофициалтә хьӡы: Лаостәи Жәлартә-Демократиатә Республика () — алада-мрагыларатәи Азиаҿы иҟоу атәыла. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа Акатегориа:Акоммунисттә тәылақәа
37254
https://ab.wikipedia.org/wiki/Малаизиа
Малаизиа
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Малаизиа абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Малаизиа агерб |агимн=Negaraku instrumental.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Малаизиа агимн |амаҵураҭыԥ1=Ианг ди-Пертуан Агонг |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=3}} '''Малаизиа''' ({{lang-ms|Malaysia}})<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 262 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> — алада-мрагыларатәи [[Азиа]]ҿы иҟоу афедеративтә ҳәынҭқарра, аконституциатә монархиа. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Малаизиа| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Афедеративтә монархиақәа]]
Малаизиа () — алада-мрагыларатәи Азиаҿы иҟоу афедеративтә ҳәынҭқарра, аконституциатә монархиа. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Афедеративтә монархиақәа
37256
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мальдив
Мальдив
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Мальдив абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Мальдив агерб |агимн = Gaumii salaam.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Мальдив агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2= |амаҵурауаҩ2= |zoom1=4}} '''Мальдив''' ({{lang-dv|ދިވެހިރާއްޖެ [Дҳивеҳи Рааџџье]}}), аофициалтә хьӡы: '''Мальдивтәи Ареспублика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 262 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-dv|ދިވެހިރާއްޖޭގެ ޖުމްހޫރިއްޔާ [Дҳивеҳи Рааџџьеиге Џумҳурииа]}}) — алада-[[азиа|азиеи]] [[Индиатәи аокеан]]и рҿы рҟоу [[архипелаг]]тә тәыла. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Мальдив| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]]
Мальдив (), аофициалтә хьӡы: Мальдивтәи Ареспублика () — алада-азиеи Индиатәи аокеани рҿы рҟоу архипелагтә тәыла. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа
37263
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсны_Афырхаҵа
Аԥсны Афырхаҵа
[[Афаил:Hero Of Abkhazia.svg|мини|Аԥсны Афырхаҵа аорден]] '''''Аԥсны Афырхаҵа''''' ({{lang-ru|Герой Абхазии}}) — [[Аԥсны Аҳәынҭқарра|Аԥсны]] иреиҳаӡоу алкаара. Ахьӡи амедали аԥҵоуп [[1992]] шықәса [[ԥхынҷкәынмза 4]] рзы.<ref>[https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/2714-30-let-nazad-byli-uchrezhdeny-boevye-nagrady-respubliki-abkhaziya 30 ЛЕТ НАЗАД БЫЛИ УЧРЕЖДЕНЫ БОЕВЫЕ НАГРАДЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ]. [[Аԥсныпресс]]. {{date|4|12|2022}} {{ru icon}}</ref> ==Анашьаразы аҵаҵӷәқәа ариашара== Ахьыӡқәа рыхҵахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа афырхаҵара аарԥшра инамаданы хаҭалатәи ма аколлективтәи лшамҭақәа рзы. Ахьыӡ рыхҵахоит Аԥсны атәылауаа реиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәылауаам ахаҿқәагьы ==Амедаль ахҳәаа== Аԥсны Афырхаҵа ранашьахоит ҷыдала аҽалкааразы адырга — амедаль. Амедаль ихьӡырку аметалл иалху, аа-кәакьҭак змоу, агәҭаҟны иԥсаҟьаны ашәахәақәа зну еҵәоуп. Аеҵәа ахыхь ианубаалоит астилизациа зызу игәылгоу амра адырга. Аеҵәа агәҭаны хәы змоу ахаҳә ануп. Ахҳәааҟны иарбоу хәы змоу ахаҳә ахаангьы хархәара амоуӡац. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа еиҿагылоу анҵәамҭақәа — 35 мм рыбжьоуп. Амедаль аарҳәны ашьҭахьтәи аган аԥсышәала «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа аҩыра ануп. Амедаль алымҳацәи амацәази рыла бырфынла ихҟьру ԥшь-кәакьҭак змоу ачаԥара иадҳәалоуп. Алента ԥшшәқәас иамоуп —зҽеиҭнызыԥсахло ииаалоу ацәаҳәақәа ԥшьба ишьацԥшшәылоуи хԥа ишкәакәои. Амедальқәа рдизаин авторс дамоуп — асахьаҭыхҩы [[Гамгьиа, Валери Валикәа-иԥа|Валери Гамгьиа]].<ref>[http://abkhazinform.com/item/20052-den-pamyati-valeriya-gamgiya ДЕНЬ ПАМЯТИ ВАЛЕРИЯ ГАМГИЯ]. abkhazinform.com. {{date|21|10|2023}} {{ru icon}}</ref> ==Аныҟәгашьа аԥҟарақәа== Амедаль ныҟәыргоит агәышԥы арымарахьтәи аган аҟны [[Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәа|Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәеи]] амедальқәеи рханы. ==Аԥсны Афырхаҵа== Анашьаразы актәи аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы [[Арӡынба, Владислав Григори-иԥа|Владислав Арӡынба]] [[1993]] шықәса [[ԥхынҷкәынмза 30]] рзы. Абри аҽны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан 25 –ҩык аибашьра аветеранцәа. [[2014]] шықәса [[ԥхынҷкәынмза 4]] рзы «Аԥсны Афырхаҵа» амедаль ранашьан 363-ҩык.<ref>[https://sputnik-abkhazia.ru/20141204/1013434900.html Главным госнаградам Абхазии исполнилось 22 года]. [[Спутник Абхазия]]. {{date|4|12|2014}}</ref> ==Ақалақьқәа-афырхацәа ариашара== * [[Тҟәарчал]] * [[Гәдоуҭа]] ==Алитература== * Безруков М. П., Туровский А. Е. Награды государств мира. — Тула: Гриф и К, 2013. — С. 13. — ISBN 978-5-91503-137-3. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа]]
Аԥсны Афырхаҵа () — Аԥсны иреиҳаӡоу алкаара. Ахьӡи амедали аԥҵоуп 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы.30 ЛЕТ НАЗАД БЫЛИ УЧРЕЖДЕНЫ БОЕВЫЕ НАГРАДЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ. Аԥсныпресс. Анашьаразы аҵаҵӷәқәа ариашара Ахьыӡқәа рыхҵахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа афырхаҵара аарԥшра инамаданы хаҭалатәи ма аколлективтәи лшамҭақәа рзы. Ахьыӡ рыхҵахоит Аԥсны атәылауаа реиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәылауаам ахаҿқәагьы Амедаль ахҳәаа Аԥсны Афырхаҵа ранашьахоит ҷыдала аҽалкааразы адырга — амедаль. Амедаль ихьӡырку аметалл иалху, аа-кәакьҭак змоу, агәҭаҟны иԥсаҟьаны ашәахәақәа зну еҵәоуп. Аеҵәа ахыхь ианубаалоит астилизациа зызу игәылгоу амра адырга. Аеҵәа агәҭаны хәы змоу ахаҳә ануп. Ахҳәааҟны иарбоу хәы змоу ахаҳә ахаангьы хархәара амоуӡац. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа еиҿагылоу анҵәамҭақәа — 35 мм рыбжьоуп. Амедаль аарҳәны ашьҭахьтәи аган аԥсышәала «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа аҩыра ануп. Амедаль алымҳацәи амацәази рыла бырфынла ихҟьру ԥшь-кәакьҭак змоу ачаԥара иадҳәалоуп. Алента ԥшшәқәас иамоуп —зҽеиҭнызыԥсахло ииаалоу ацәаҳәақәа ԥшьба ишьацԥшшәылоуи хԥа ишкәакәои. Амедальқәа рдизаин авторс дамоуп — асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.ДЕНЬ ПАМЯТИ ВАЛЕРИЯ ГАМГИЯ. abkhazinform.com. Аныҟәгашьа аԥҟарақәа Амедаль ныҟәыргоит агәышԥы арымарахьтәи аган аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәеи амедальқәеи рханы. Аԥсны Афырхаҵа Анашьаразы актәи аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 30 рзы. Абри аҽны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан 25 –ҩык аибашьра аветеранцәа. 2014 шықәса ԥхынҷкәынмза 4 рзы «Аԥсны Афырхаҵа» амедаль ранашьан 363-ҩык.Главным госнаградам Абхазии исполнилось 22 года. Спутник Абхазия. Ақалақьқәа-афырхацәа ариашара Тҟәарчал Гәдоуҭа Алитература Безруков М. П., Туровский А. Е. Награды государств мира. — Тула: Гриф и К, 2013. — С. 13. — ISBN 978-5-91503-137-3. Азгәаҭақәа Акатегориа:Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа
37258
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мианма
Мианма
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Мианма абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Мианма агерб |агимн=National Anthem of Laos.ogg |агимн ирызку адаҟьа = Мианма агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=3}} '''Мианма''' ({{lang-my|မြန်မာ}}), аофициалтә хьӡы: '''Аидгыла Мианма Ареспублика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 268 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-my|ပြည်ထောင်စု သမ္မတ မြန်မာနိုင်ငံတော်‌ [Пьидаунӡу Ҭанмада Миама Наиннганда]}}), ма '''Бурма''' (аофициалтә хьӡы [[1989]] шықәса рҟынӡа) — алада-мрагыларатәи [[Азиа]]ҿы иҟоу атәыла. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Мианма| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]] [[Акатегориа:Адиктатура]]
Мианма (), аофициалтә хьӡы: Аидгыла Мианма Ареспублика (), ма Бурма (аофициалтә хьӡы 1989 шықәса рҟынӡа) — алада-мрагыларатәи Азиаҿы иҟоу атәыла. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа Акатегориа:Адиктатура
37204
https://ab.wikipedia.org/wiki/Чачба,_Асланбеи_Қьалышь_Аҳмаҭбеи-иԥа
Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа
'''Аҭауад Аслан-беи Чачба''' — азеижәтәи аҳ ''(1808-1810).'' {{Акарточка аполитик|ахьӡ=Аслан-беи Чачба|даҽа ахьӡ=аҳ Аслан-беи|амаҵура=[[Аԥсуа аҳра (XV-XIX) |Аԥсуа аҳра аҳ]]|инаркны=[[1808]]|рҟынӡа=[[1810]]|аԥхьа иҟаз=[[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи |Қьалышь-беи Чачба]]|аҭынха=[[Чачба, Сафар Алибеи |Гьаргь II]]|аира арыцхә=[[1778]]|аира аҭыԥ=[[Гәыма (атәылаҿацә) |Гәымтәи Агьежьыра]], [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX) |Аԥсуа аҳра]]|аԥсра арыцхә=[[1830]]|аԥсра аҭыԥ=[[Сҭампыл]], [[Ҭырқәтәыла]]|ани аби=[[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи |Қьалышь-беи Чачба]] [[Ӡаԥшь-иԥҳа, Дыда-ҳаным |Дыда-ҳаным (Мариам) Ӡаԥшь-иԥҳа]]|аԥҳәыс=1) [[Гьачԥҳа, Дида-ҳаным |Дида-ҳаным Гьачԥҳа]]. 2) [[Чачԥҳа, Есма-ҳаным |Есма-ҳаным Чачԥҳа]].|ахәыҷқәа=Шьырын-беи|ауацәа=|адин=Аԥсылманра|афото=Scale 1200.jpg}} == Аԥсҭазаара == Аҳ Аслан-беи Чачба диит, 1778 шықәсазы, [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа|аҳ Қьалышь-беии]] [[Ӡаԥшь-иԥҳа, Дыда-ҳаным|аҳкәажә Дыда-ҳаными]] рҭаа-цәараҿы<ref name=":0">{{Ашәҟәы|Ашықәс=2007|Ажәла=Ҷкәан|Ахьӡ=Иури|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Chikovani_Rod_abkhazskih_kniazey_Shervashidze.pdf|Астатиа ахьӡ=Аԥсуа аҳцәа Чачаа рашьҭра|Аҭыԥ=Қарҭ|Аҭыжьырҭа=Универсал}}</ref>. Иҳәыҷраан, [[Аԥсны аҳратәра|Аԥсны]] азакәанқәа рыла, ааӡара дрышьҭит [[Саӡны|Саӡныҟа]], аамсҭацәа Самеихәаа рахь<ref name=":1">{{Ашәҟәы|Ашықәс=1999|Ажәла=Лакоба|Ахьӡ=Станислав|Азхьарԥш=https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p0,source,web&text=станислав%20лакоба%20асланбей&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MhXjlnkyRLy6n6IuJbT5f9g,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-84yHxHqtfPkQ-WhP4AORfFFPJL04F1jzcc59bV5WA2t6Vt8R0QJAfVUzpPClUyP-GlBM4EXxhNRh07iUbr9Ow5DrLGHL9wFGw1Bk6W0EgTM-3NtHd00r7Q9uDWdDNCNwkOWqdj_PahXkbET1XUH6pYicGf9gCuG9czcR6XBSbQppBto_e4r6WVYzl7yh8nXXYCrstyUFLeyr1pQUj29--4FC_COGdPghoyRw0iuPpUgv8H7JZvI_P76ZBlUg7sTFXfAVLGICeHcDeSMXsf5ES1ovTW8o3ry3fSqcuGIhZ6Kajg2i3WqBiRw_6tfUjpez8wxxBfSHt3OHD2yZVWdjmhafLmA7pudIYg7geiNeIQCDA4lfHVyheIa-xcH4X5U83t-8T4SrrCalHCdSxP0m1Yv5BHAnwx6pvXqRHf7CMghlMgAVtMudk6anLrqfUDnJLIkKGNnKXvAgb6VIxfMVq3SbhrbN5mM8IzAFOYzlrE_ruiC2QIILHrRP6Gq2V_kNHhhr-2Q4JJru5J1f3NnBbpCLJot-AUPQTF-82DyZYzMh990lJF_cBIxghSI39ok6WKHAnig38PMZ7jR1TPQDMfJkOvc_J1r0TMcuPiYmBCUMmVN3eHq3-tz5WcSjeqDKcW1vMYBcXx96pZxjHgx4-43Ii2tR7O9CQ4X0angayoqNKMj-a9nc4K4uOiG8YGbhMeX8wCXc9zNdpfuohYxexXyZtUKErk2dk5oNErw5h8gmwoNwN0oLQYI3tqBv6tCgHu_bczx8p-ra0ZBp7DL2QYU-3ytLkhHQomiXQ2Wx5xBcmn6JoTaztcUXZIskQdaVv_l0yRS3Geu3i-1ShXiHAOrgWuOnxFsNMGJTkB0vehYCkK45_x4bufPAViZOkV49qChaDEsZvjbU4fbIXhdGUvfedemoHPA2WitttBuyDk3QKcHLLfKkEEgiQ3y-2vhIndSYZ0yZ0AiTptQJpSYgTl86-P1Qy0Jgb1jrUomp_118qgborjGqakJgl23Q-XchgvJztMCwL9pdFPzycG6ZOyV_hlohf7T16gcljm8GyfaA,,&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLUEhPX21ReFJuMWNQcWFMVEtTSWVldlFTLUpHNHBvZFY5WjJNS3Q3Y3BaQkR2d21FWVZydGdSMmRaQW9seWROS1Y3cENBQWpaNEo2LThiX1o5RXJnWndkeWJXdUJmNHhNVSw,&sign=dff5691020cfc803c8937f1d4f8d54f9&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ324TB20YdtG9erf0Jg3Z0xxEBlHnNxdHe4dGMxA500__gd-mOu_DOf50r-KyyO2TvoPOGoBEP6d3ColTjhd-B2ZzFw7KEwBJzanRUeHszCxKxTP0iVrbUqjp1FoiZeSo-5SeTQGeiXye2tk31GMV6I5GtG6epZVrqCNvktomlvwqBC2Cmgr5qX6yxDrYlkoJzAo7IZDNicVPH042eBY5nYQV-A7zZizTRVciIQSPWojQ,,&l10n=ru|Астатиа ахьӡ=Асланбеи|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=}}</ref>. Анаҩс иаб зныкымкәан ԥҳәыс аагара дцон. Аха еиҳа бзиа иибоз, ашьҭахь ацхыраара ду изҭоз, [[Амаршьан, Рабиа-ҳаным|Рабиа-ҳаным]] лакәын<ref name=":1" />. Лԥацәеи иареи ецыхәмаруан. Аха Аслан-беи иан, [[Ӡаԥшь-иԥҳа, Дыда-ҳаным|Дыда-ҳаными]] [[Амаршьан, Рабиа-ҳаным|Рабиа-ҳаными]] реизыҟазаашьақәа бзиаӡамызт<ref>{{Ашәҟәы|Ашықәс=2012|Ажәла=Гәымба|Ахьӡ=Михаил|Азхьарԥш=https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p0,source,web&text=гасан%20бей&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MhXjlnkyRLy6n6IuJbT5f9g,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-84yHxHqtfPkQ-WhP4AORfFFPJL04F1jzcc59bV5WA2t6Vt8R0QJAfVUzpPClUyP-GlBM4EXxhNRh07iUbr9Ow5DrLGHL9wFGw1Bk6W0EgTM-3NtHd00r7Q9uDWdDNCNwkOWqdj_PahXkbET1XUH6pYicGf9gCuG9czcR6XBSbQppBto_e4r6WVYzl7yh8nXXYCrstyUFLeyr1pQUj29--4FC_COGdPghoyRw0iuPpUgv8H7JZvI_P76ZBlUg7sTFXfAVLGICeHcDeSMXsf5ES1ovTW8o3ry3fSqcuGIhZ6Kajg2i3WqBiRw_6tfUjpez8wxxBfSHt3OHD2yZVWdjmhafLmA7pudIYg7geiNeIQCDA4lfHVyheIa-xcH4X5U83t-8T4SrrCalHCdSxP0m1Yv5BHAnwx6pvXqRHf7CMghlMgAVtMudk6anLrqfUDnJLIkKGNnKXvAgb6VIxfMVq3SbhrbN5mM8IzAFOYzlrE_ruiC2QIILHrRP6Gq2V_kNHhhr-2Q4JJru5J1f3NnBbpCLJot-AUPQTF-82DyZYzMh990lJF_cBIxghSI39ok6WKHAnig38PMZ7jR1TPQDMfJkOvc_J1r0TMcuPiYmBCUMmVN3eHq3-tz5WcSjeqDKcW1vMYBcXx96pZxjHgx4-43Ii2tR7O9CQ4X0angayoqNKMj-a9nc4K4uOiG8YGbhMeX8wCXc9zNdpfuohYxexXyZtUKErk2dk5oNErw5h8gmwoNwN0oLQYI3tqBv6tCgHu_bczx8p-ra0ZBp7DL2QYU-3ytLkhHQomiXQ2Wx5xBcmn6JoTaztcUXZIskQdaVv_l0yRS3Geu3i-1ShXiHAOrgWuOnxFsNMGJTkB0vehYCkK45_x4bufPAViZOkV49qChaDEsZvjbU4fbIXhdGUvfedemoHPA2WitttBuyDk3QKcHLLfKkEEgiQ3y-2vhIn4noEnoh28jh8p3gaLsTWmOSgKufe0DD59d8_jR7fB1CU_jL0moal5S5DLPK7BBoNpn4R0XiqMWV9BvlBugQt0rnYdAguxiOJ12i9uMI653w,,&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLT3A4RFBRYllnUTNMZS01bGlEMUV5OFFwSDRwVF9qR3ZwODFBRDByVV9FdXk0a3dkcF9KYWlPWmw0OE1FeXZlMlU5WDRNMnI4bHYzYUR5RHRRTDBDS3RzWEFjTHRDQ3FGTSw,&sign=136830592ea095deaf6c52debab1ceca&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9zpdchXrzO7rLrSlsxqM8n3mjjj-bjV9xGlu8rw9ly3C0AOWwWw430_Dwod171c61lp921Uk3jCfy219s4FuqcLoZNysOQbe-Pt_Ytv5qEpqa&l10n=ru|Астатиа ахьӡ=Ҳасанбеи|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=}}</ref>. Рыҩџьыгьы ирҭахын рԥа-цәа аҳс иҟарҵарц. Анаҩс иани иаби еилыҵуеит, ашьҭахь иан лыԥсҭазаара далҵоит. 1804 ш. [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа|аҳ Қьалышь]] зықәра наӡахьоу иԥацәа адгьылқәа ҭынхас ириҭеит<ref>{{Ашәҟәы|Ашықәс=2017|Ажәла=Гәымба|Ахьӡ=Михаил|Азхьарԥш=https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p0,source,web&text=сефербей%20чачба&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MhXjlnkyRLy6n6IuJbT5f9g,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-84yHxHqtfPkQ-WhP4AORfFFPJL04F1jzcc59bV5WA2t6Vt8R0QJAfVUzpPClUyP-GlBM4EXxhNRh07iUbr9Ow5DrLGHL9wFGw1Bk6W0EgTM-3NtHd00r7Q9uDWdDNCNwkOWqdj_PahXkbET1XUH6pYicGf9gCuG9czcR6XBSbQppBto_e4r6WVYzl7yh8nXXYCrstyUFLeyr1pQUj29--4FC_COGdPghoyRw0iuPpUgv8H7JZvI_P76ZBlUg7sTFXfAVLGICeHcDeSMXsf5ES1ovTW8o3ry3fSqcuGIhZ6Kajg2i3WqBiRw_6tfUjpez8wxxBfSHt3OHD2yZVWdjmhafLmA7pudIYg7geiNeIQCDA4lfHVyheIa-xcH4X5U83t-8T4SrrCalHCdSxP0m1Yv5BHAnwx6pvXqRHf7CMghlMgAVtMudk6anLrqfUDnJLIkKGNnKXvAgb6VIxfMVq3SbhrbN5mM8IzAFOYzlrE_ruiC2QIILHrRP6Gq2V_kNHhhr-2Q4JJru5J1f3NnBbpCLJot-AUPQTF-82DyZYzMh990lJF_cBIxghSI39ok6WKHAnig38PMZ7jR1TPQDMfJkOvc_J1r0TMcuPiYmBCUMmVN3eHq3-tz5WcSjeqDKcW1vMYBcXx96pZxjHgx4-43Ii2tR7O9CQ4X0angayoqNKMj-a9nc4K4uOiG8YGbhMeX8wCXc9zNdpfuohYxexXyZtUKErk2dk5oNErw5h8gmwoNwN0oLQYI3tqBv6tCgHu_bczx8p-ra0ZBp7DL2QYU-3ytLkhHQomiXQ2Wx5xBcmn6JoTaztcUXZIskQdaVv_l0yRS3Geu3i-1ShXiHAOrgWuOnxFsNMGJTkB0vehYCkK45_x4bufPAViZOkV49qChaDEsZvjbU4fbIXhdGUvfedemoHPA2WitttBuyDk3QKcHLLfKkEEgiQ3y-2vhInwXZHXrfHIry8QzpfwxZLL1QPCSOIvX3GBMalLrT1xSFo_iZeYgqC18mIn1yRA2yM3Jw86po_eS8wk78AKt3oXiVzLrqcknJQ-oGFDVkHXnA,,&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLTUJjdjFXeFJvamhYT2VwMGp1YjNIbWxWbWw5V3Ntb0d3blRIbFIyS29MNFpmY1puazJXR3QwUzdPSk1IZnNob2YxMFJXc2Y3aWhWYVlTQmNjRWdSV1ZiTUVKX2xDTXdXWSw,&sign=7aed6ebc577ec6f4937a11333c4a055b&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ324TB20YdtG9JXwdL1rlTmmRPlnimzY2Xoj48knocdzuu7VUqAaVI6ddQG0_0xQ_wDEoPiQ31SrKHTPAnDN1HcJtEM0P6DQ58yQQo2_UipMP538C22LwzG1KhDKAyIeEENm5-RCFkgSJbEOgIYNs4u82Up3nDeaZo,&l10n=ru|Астатиа ахьӡ=Сафарбеи|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=}}</ref>. Убарҭ дыруаӡәкын Аслан-беи, уи [[Гәыма (атәылаҿацә)|Гәымтәи Агьежьыра]] иҟаз ақыҭақәа ԥыҭк иман, 1804-1808 шықәсқәа рзы Мархьаул ақыҭа итәарҭа хада акәын<ref>Уи атәы иҳәоуп М. Гәымба ишәҟәы "Сафар-беи" аҟны.</ref>. == Аҳраура == === Аҳраура алагамҭа === 1808 ш. лаҵарамза 2 рзы иаб [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа|Қьалышь-беи]] дыршьит<ref name=":2">{{Ашәҟәы|Ашықәс=2014|Ажәла=Гәымба|Ахьӡ=Михаил|Азхьарԥш=https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p1,source,web&text=келешбей%20чачба&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MJFLGeIWZ-OPOeVwdfS0meQ,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-84yHxHqtfPkQ-WhP4AORfFFPJL04F1jzcc59bV5WA2t6Vt8R0QJAfVUzpPClUyP-GlBM4EXxhNRh07iUbr9Ow5DrLGHL9wFGw1Bk6W0EgTM-3NtHd00r7Q9uDWdDNCNwkOWqdj_PahXkbET1XUH6pYicGf9gCuG9czcR6XBSbQppBto_e4r6WVYzl7yh8nXXYCrstyUFLeyr1pQUj29--4FC_COGdPghoyRw0iuPpUgv8H7JZvI_P76ZBlUg7sTFXfAVLGICeHcDeSMXsf5ES1ovTW8o3ry3fSqcuGIhZ6Kajg2i3WqBiRw_6tfUjpez8wxxBfSHt3OHD2yZVWdjmhafLmA7pudIYg7geiNeIQCDA4lfHVyheIa-xcH4X5U83t-8T4SrrCalHCdSxP0m1Yv5BHAnwx6pvXqRHf7CMghlMgAVtMudk6anLrqfUDnJLIkKGNnKXvAgb6VIxfMVq3SbhrbN5mM8IzAFOYzlrE_ruiC2QIILHrRP6Gq2V_kNHhhr-2Q4JJru5J1f3NnBbpCLJot-AUPQTF-82DyZYzMh990lJF_cBIxghSI39ok6WKHAnig38PMZ7jR1TPQDMfJkOvc_J1r0TMcuPiYmBCUMmVN3eHq3-tz5WcSjeqDKcW1vMYBcXx96pZxjHgx4-43Ii2tR7O9CQ4X0angayoqNKMj-a9nc4K4uOiG8YGbhMeX8wCXc9zNdpfuohYxexXyZtUKErk2dk5oNErw5h8gmwoNwN0oLQYI3tqBv6tCgHu_bczx8p-ra0ZBp7DL2QYU-3ytLkhHQomiXQ2Wx5xBcmn6JoTaztcUXZIskQdaVv_l0yRS3Geu3i-1ShXiHAOrgWuOnxFsNMGJTkB0vehYCkK45_x4bufPAViZOkV49qChaDEsZvjbU4fbIXhdGUvfedemoHPA2WitttBuyDk3QKcHLLfKkEEgiQ3y-2vhIlCOeghexBDLi9OJhoNzwXKbNi_Y6AzEPPLlSc6RgbXOi3Aml2g2UEDnG1A_cYkyr3K3Rg5FVDjKUNKZrvy1PIKJpOvFtHAStbJQ2mUcj4Agg,,&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLUFJ6WUpJcTVZRzM5Y1ZIOVlHbGpuNDNtcm1oS1YzOUhTMjM2Wk8zM1djOUhYeVdnZy15TWNzazJQOF9LUVFvSmZpaWRkbUFfOUxNZ0FGd2I0QWRONGZ1bEV6X0xVeGhpbyw,&sign=deaaf7ca7a0d56aeba63de7dc90fae78&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9zoM-VZUJ87xFsnhl3IKUcveY5RsPuiXDXbW2Xme3gRxT0yXUD9BlFVnO0hMNWh8B-mO9CWtA-v-jL5rYh84cG8MKx24A2E_3sC4LpMSKaeF_TSsjrxo-bKJvBf6IZfbcw1R6IjKPH645XM3wVHt21_E,&l10n=ru|Астатиа ахьӡ=Қьалышьбеи|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=}}</ref>. Ишьра ахара идыҵеит Аслан-беи. Аҳс данаала ԥҳәысс дигеит асаӡтәи аҳкәажә<ref name=":1" />. Уи азы [[Аублаа|аублааи]] [[Адыгаа|азыхәцәеи]] рҟны аҳаҭыр ду иоуит. Нанҳәа 10 рзы аин. И.В.Гудович азин аиҭеит аҭауад [[Чачба, Сафар Алибеи|Сафар-беи]] ацхыраара ирҭарц, [[Мырзаҟан]] анапхгаҩы ҿыц [[Мырзаҟан|Манчеи Чачба]] [[Гыртәыла аҳра|Агыртәыла]] аҳәынҭқарԥҳәыси (Агыртә-Леҷхәымтәи рырдыԥхьала) лыруааи, иара убас аурыс архәҭақәа ҩ-ҟәырак<ref name=":2" />. Урҭ аруаа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ианнеи, усҟан Аслан-беи ацхыраара ду изааит. [[Ԥаҭ|Ԥуҭтәи]] акомендант Қәычықә-беи Чачба (иабшьа-иԥа) х-ӷбак рыла ар иманы абаагәарахь днеит, «абзарбзанқәеи аџьаԥҳаныи змаз асқьарцәа ргәыԥ» ицны, 300-ҩык рҟынӡа азыхәцәеи дгьылла иааит<ref name=":1" />. Иара убас, аҭырқәа хәыцра змаз аԥсуа аамсҭашәара<ref>Уи аамсҭашәара иалан: аамсҭа Кац Амаан, ақаԥдан Нарчоу Инал-иԥа, аҭауадацәа Амаршьанаа уҳәа у.е.</ref> Аслан-беи идгылеит, урҭ дрылан иашьа гәакьа Ҳасан-беи. Абаа зынӡа дгьылла иузымиааиуа иҟалеит. Ирылшоз аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара заҵә ракәын. Аха Аслан-беи иҽирӷәӷәон. Дара ирылшеит [[Амаршьан, Рабиа-ҳаным|Рабиа-ҳаными]] лыҷкәын [[Чачба, Баҭал-беи|Баҭал-беии]] реиқәырхара, урҭ рзыҳәан аҭауад [[Чачба, Сафар Алибеи|Сафар-беи]] ашасқәа ииҭеит<ref name=":2" />. 1809 шықәсазы ԥҳәысс дааигеит акомендант Қәычықә-беи Чачба иԥҳа - [[Чачԥҳа, Есма-ҳаным|Есма-ҳаным Чачба]]<ref name=":0" />. Аха аурыс арр рҵыхәтәантәи ақәылара Аслан-беи изаанымкылеит. Ар дуӡӡа рыманы, [[Ҟрым|Ҟрымынтәи]] [[Аҟәа абаа|Аҟәа-Қале]] ([[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсуа аҳра]] аҳҭнықалақь, убри аамҭазы Аслан итәарҭа) ахь рхы дырхеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, ԥхынгәы жәаба рзы Аҟәатәи ахырӷәӷәарҭа ааныжьны, Аслан-беи адгьыл аҵаҟатәи амҩақәа дрылсны Гәымсҭаҟа дцеит, нас [[Саӡны|Саӡныҟа]] дцеит. <ref name=":1" />. [[Афаил:Scale 1200.jpg|мини|377x377пкс|''Аслан-беи иқәгылара. 1824 шықса. Асахь. Баҭал Џьапуа.'']] == Аслан-беи иқәгыларақәа 1812-1830 == === 1812-1813 шш. иааз иқәгыларақәа === 1812 шықәсазы аҭауад Аслан-беи, [[Ҭырқәтәыла]] ацхыраарала, аҭырқәа архәҭак иманы [[Ԥаҭ|Ԥуҭ]] дыӡхыҵит<ref name=":2" />. Абраҟагьы иара илшеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз агәыԥ хәыҷ еидкылара. Убас, «амч дуқәа» еизганы, [[Гәдаа|Гәдааи]] [[Тамшь|Ҭамшьи]] рыла [[Аҟәа абаа|Аҟәаҟа]] ихы рханы дцоит<ref name=":2" />. [[Чачба, Сафар Алибеи|Аҭауад Сафар-беи]], аҭауад Аслан-беи иҿагыларазы имч дақәым-гәыӷкәа, дырҩегьых мчыла Кавказ иҟаз арр рхада аинрал Ртишьчов иахь ацхы-раара даҳәар амуит. Аҵыхәтәантәи иҟаиҵаз адҵала, аполковник Мерлини игәыԥ, Агыруа аҭауад Никәала Адиан иаруаа еидгыланы, 15-тәи амаиор Егереитәи аполк аҭауад Кутеев инапхгара аҵаҟа иҟаз шьапылатәи абаталиони артиллериеи рыла, [[Чачба, Сафар Алибеи|аҳ Сафар-беи]] ицхрааразы ицеит<ref name=":2" />. Зегь реиҳа иуадаҩыз аиасрақәеи аӡиасқәеи рыхысрақәеи ирхысны, иаалырҟьаны Аԥсны аҳәаақәа ирылаланы, аҭауад Аслан-беи «ҭырқәтә-азыхәтә» ир зынӡа еиладырҩынтит, реизаразы аамҭа рымҭакәа. Аибашьра ималагеит. Ари амч ӷәӷәа артиллериала ишааиуаз анырдыр, ҭырқәтә гәыԥ еимырҵәеит. Аслан-беи хатәгәаԥхаралатәи агәыԥ еилеиганы, [[Аԥсны аҳратәра|Аԥсны]] шьхақәа рҿы иҽиҵәахырц акәхеит<ref name=":2" />. Аԥсны иқәынхоз, аҭауад Аслан-беи идгылаҩцәа, аҵахара роухьан, шьҭа иҟарҵашаз рыздыруамызт. 1813 ш. анҵәамҭаз Ҭрабзантәи асерасқьыр, Шәлиман-ԥашьа, аҭырқәа ар Аԥсны иалиргалеит, Аслан-беи ипартиа ацхыраара аиҭарц азы<ref name=":2" />. Аха асерасқьыр илымшит Аслан-беи ицхраара, Ҭрабзанҟа дхынҳәит. === Нанҳәатәи ақәгылара === Жәабранмза 7 1821 ш., ачымазара иахҟьыны, иԥсҭазаара далҵоит [[Чачба, Сафар Алибеи|Сафар-беи (Гьаргь II)]]<ref name=":2" />. Адырҩаҽны, жәабранмза 8 азы, 200 ҩык ауаа ааигәа иҟаз Ешыртәи ақыҭантәи аилаҩынҭра ҟарҵарц ицеит<ref name=":2" />. Урҭ аурысцәа ргәыԥ иақәлеит, уи иахҟьаны аӡәы дҭахеит, ԥыҭҩыкгьы рхәит. Иара убри ашықәс жәабранмзазы, А.А. Велиаминов, [[Адиан, Леуан V|Леуан Адиан]] иабжьагарала, [[Чачба, Сафар Алибеи|Сафар-беи (Гьаргь)]] иԥҳәысеиба, аҳкәажә [[Адиан-ԥҳа, Ҭамара Кац-иԥҳа|Ҭамара Адианԥҳа]], Аԥсны ҳәынҭқарԥҳәысс дҟаиҵеит<ref name=":1" />. Аԥсуа ақәгылаҩцәа русқәа рырццакра дахәаԥшуа, Урыстәылатәи аимператор Алықьсандр I, аинрал А.П. Ермолов иҳәарала, Аԥсны анапхгаҩыс, аполковник ичын змоу аҭауад Дырмит (Омар-беи) Чачба, икандидатура дшақәшаҳаҭу. 1821 ш. ԥхынгәы аҵыхәтәа азы, аҭауад Аслан-беи аамҭала илаҳәараны иаау [[Адиан-ԥҳа, Ҭамара Кац-иԥҳа|аҳкәажәду Ҭамар]] лахь инаишьҭоит ицҳаражәҳәаҩцәа, длыҳәоит аиқәшаҳаҭра рнапаҵаркырц, ҭынч Аԥсныҟа аҩсра азы, насгьы ашацәа рзоужьра<ref name=":3">{{Ашәҟәы|Ашықәс=2019|Ажәла=Гәымба|Ахьӡ=Михаил|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/3906-Gumba_M_Vladetel_Abkhazii_Dmitry_Omarbey_Chachba_2019.html|Астатиа ахьӡ=Аҳ Дырмит (Омар-беи) Чачба|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=}}</ref>. [[Адиан-ԥҳа, Ҭамара Кац-иԥҳа|Аҳкәажә Ҭамар]] Аслан-беи иделегациа лыдалкылоит [[Аҟәа абаа|Аҟәатәи абаа]] аҟны, аиҿцәажәарақәа мҩыԥысуан акомендант Михин илатәазааран. Аделигациа иқәдыргылаз аҳәарақәа мап ацәылкит. Аха Михини лареи рхатә еицәажәараҿ, аҳәара илҭит [[Лыхнытәи Аҳҭынра|Лыхнытәи ахан]] азы ахьчацәа алхра, гәырҭәыла аиаша лҳәеит дшахьаҳәхьачуа лыуаа рыҵабыргазы<ref name=":3" />. Акомендант Михин арратә мчымхра иахьҟьаны, лаҳәара мап ацәикит. Аха [[Адиан-ԥҳа, Ҭамара Кац-иԥҳа|аҳкәажә Ҭамар]] лҭынчразы, [[Лыхны|Лыхныҟа]] инарышьтоит адәныцага, лхәычқәеи лареи еиманы [[Аҟәа абаа|Аҟәахь]] ииаргоит. Амала аҳкәажә илҭахымхаӡеит уа аанкылара «ажәлар умчымхара идумырбарц азы», илҳасабеит кәыдрытәи лмазара ахь адәықәлара. Ашьҭахь, нанҳәа 1 азы, ақәгылаҩцәа иргаз<ref name=":3" />. Ақәгылыҩцәа Росҭом-беии, Ҭаир-беии, насгьы аҭауадацәа Амаршьанааи ракәын. Амацәаз аҭақра данақәшәа, аҳкәажә, лыгәрага, лхьыԥшы, ила акомендант Михин ацхыраара лиҭарц диҳәоит. Михин, аҳкәажә ашәарҭа дҭамгы-ларц азы, иҳасабеит аҵхтә аамҭа азы, аҳкәажә лахь инаишьҭоит адәныцага «Константин», уи аиҳабы алеитинант Хамутов ичартан ахь идикы-лоит Ҭамареи лхәаҷқәеи<ref name=":3" />. Акомендант аурыс гарнизон ахьчараҿы акыраамҭа дыҟазарц шиҳәазгьы, аҳкәажә ҩаԥхьа мап ацәылкит, “хыҭҳәаа ҭынчрак” лгәра лнаргеит [[Аҟәа абаа|Аҟәатәи абаагәара]] аҟынтәи 30 верст рыбжьара иҟоу кәыдрытәи лмазарахь дхынҳәырц. Нанҳәа 21 рзы, аҭауад Аслан-беи кәыдрытә лтәарҭаҿы дгылан<ref name=":3" />. Аҭауад Аслан-беи зықьҩыла ир анырба, [[Адиан-ԥҳа, Ҭамара Кац-иԥҳа|Ҭамара]] лыдгылаҩцәа рыхәҭакгьы, аиҳараҩык, Аслан-беи иганахь ииасуа иалагеит<ref name=":3" />. Ҩымчыбжь инареиҳаны лхала даныҟаз ашьҭахь, Аҳкәажә аблокада дахганы, адәныҟатәи адунеи лыҽлыламырхәкәа. Аҳкәажә лҽанылҭа, дышиҵахаз анылҳәа, цәыббра 11 рзы аҭауад Аслан-беи [[Аҟәа абаа|Аҟәа]] амацәаз иҭаикын, дук мырҵыкәа [[Аԥсны аҳратәра|Аԥсны]] зегьы инапаҿы иааникылеит<ref name=":3" />. Аслан-беи ирр есымша иазҳауан. Акомендант Михин арратә еиҳабыра дрыҳәоит иҵегь ихарҭәаау арр. Ус жьҭаара 21, 1821 ш., аҭауад Дырмит [[Қәҭешь|Кәҭешьҟа]] дааиуеит, анаҩс аҭауад П.Д. Горчаков дицны [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсныҟа]] иҿынеихуеит. Убри аамҭаз, 1821 шықәсазы жьҭаара 21 рзы, шамахамзар, [[Аԥсны аҳратәра|Аԥсны]] зегьы аҭауад Аслан-беи инапаҿы иҟан<ref name=":3" />. Аҭауад Аслан-беи, аҭауад Горчоков дышзааигәахаз анеиликаа, Кәыдрыҟа дыццакит, уи иманшәалаз ҭыԥны иԥхьаӡон. 1821 шықәсазы абҵара 1 азы, [[Мырзаҟан]] аҳәааҿы, аҭауад Горчаков ажәабжь иоуит, аҭауад Аслан-беи хнызқьҩык ашьхарыуаа иманы Кәыдры ахықәи Кьалашәыр ақыҭеи рыбжьара дгылоуп ҳәа. Аҭауад Аслан-беи хықәкыс иқәиргылеит аурыс ирр Аҟәа иаламларц. Кәыдры аӡиас ахьынтә 4 верст раҟара бжьаны, Никәала Адиан напхгара зиҭоз агыртәылатәи аҽыуаҩцәа, авангард иашьҭаланы инеиуаз, раԥхьаӡа аҭауад Аслан-беи ир иақәшәеит, ацәыӡ дугьы роуит. Аха дук мырҵыкәа, аҭауад Аслан-беи, иааҟәымҵӡакәа илымҳа ҭызхуаз абзарбзанқәеи, хара ицоз ашәақьқәеи рыхысрақәа рыҵаҟа дхьаҵыр акәхеит. === Ақәгыларақәа рҵыхәаԥҵәара === 1821 шықәсазы абҵара 30 азы [[Лыхны]] азакәантә аҳс дрылаҳәан аҳиԥа Дырмит I Чачба<ref name=":3" />. Уи ашьҭахь, 1822, 1824, 1830 шықәсақәа рзы ақәгыларақәа напхгара рзиуан, зныкымкәа [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсны]] зегьы иигахьан. Аха иара илымшеит [[Аԥсны аҳратәра|Аԥсны]] аиоура<ref name=":1" />. 1830 шықәсазы [[Ҭырқәтәыла|Ҭырқәтәылаҟа]] дцеит, [[Сҭампыл|Сҭампылҟа]], уаҟа иԥсҭазаара далҵит<ref name=":0" />. == Аҭаҳцәа == Аслан-беи дыԥсылманын. Аԥсҳа ҩынтә аҭаацәара далалеит. Раԥхьатәи иԥҳәыс, 1808 шықәса инаркны, [[Саӡны|Саӡтәылатәи анапхгаҩы]] Рашыд Гьачба иаҳәшьа — [[Гьачԥҳа, Дида-ҳаным|Дида-ҳаным Гьачԥҳа]] (? -1810) лакәын. Аҩбатәи иԥҳәыс, 1809 шықәса инаркны, иҭынха - [[Чачԥҳа, Есма-ҳаным|аҳкәажә Есма-ханум Чачԥҳа]] (1793-1825) лакәын. Аслан-беи Шьырын-беи захьӡыз аԥа диман, аха дызхылҵыз ан еилкаам. Аслан-беи раԥхьатәи иԥҳәыс лҽылшьит, ачара ашьҭахь ҩышықәса анҵы. Аҩбатәи аԥҳәыс лыԥсҭазаара иазкны акгьы еилкааӡам. == Азгәаҭқәа == {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1778 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:1830 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсуа аҳра ахцәа]] [[Акатегориа:Чачаа]]
Аҭауад Аслан-беи Чачба — азеижәтәи аҳ (1808-1810). Аԥсҭазаара Аҳ Аслан-беи Чачба диит, 1778 шықәсазы, аҳ Қьалышь-беии аҳкәажә Дыда-ҳаными рҭаа-цәараҿы. Иҳәыҷраан, Аԥсны азакәанқәа рыла, ааӡара дрышьҭит Саӡныҟа, аамсҭацәа Самеихәаа рахь. Анаҩс иаб зныкымкәан ԥҳәыс аагара дцон. Аха еиҳа бзиа иибоз, ашьҭахь ацхыраара ду изҭоз, Рабиа-ҳаным лакәын. Лԥацәеи иареи ецыхәмаруан. Аха Аслан-беи иан, Дыда-ҳаными Рабиа-ҳаными реизыҟазаашьақәа бзиаӡамызт. Рыҩџьыгьы ирҭахын рԥа-цәа аҳс иҟарҵарц. Анаҩс иани иаби еилыҵуеит, ашьҭахь иан лыԥсҭазаара далҵоит. 1804 ш. аҳ Қьалышь зықәра наӡахьоу иԥацәа адгьылқәа ҭынхас ириҭеит. Убарҭ дыруаӡәкын Аслан-беи, уи Гәымтәи Агьежьыра иҟаз ақыҭақәа ԥыҭк иман, 1804-1808 шықәсқәа рзы Мархьаул ақыҭа итәарҭа хада акәынУи атәы иҳәоуп М. Гәымба ишәҟәы "Сафар-беи" аҟны.. Аҳраура Аҳраура алагамҭа 1808 ш. лаҵарамза 2 рзы иаб Қьалышь-беи дыршьит. Ишьра ахара идыҵеит Аслан-беи. Аҳс данаала ԥҳәысс дигеит асаӡтәи аҳкәажә. Уи азы аублааи азыхәцәеи рҟны аҳаҭыр ду иоуит. Нанҳәа 10 рзы аин. И.В.Гудович азин аиҭеит аҭауад Сафар-беи ацхыраара ирҭарц, Мырзаҟан анапхгаҩы ҿыц Манчеи Чачба Агыртәыла аҳәынҭқарԥҳәыси (Агыртә-Леҷхәымтәи рырдыԥхьала) лыруааи, иара убас аурыс архәҭақәа ҩ-ҟәырак. Урҭ аруаа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ианнеи, усҟан Аслан-беи ацхыраара ду изааит. Ԥуҭтәи акомендант Қәычықә-беи Чачба (иабшьа-иԥа) х-ӷбак рыла ар иманы абаагәарахь днеит, «абзарбзанқәеи аџьаԥҳаныи змаз асқьарцәа ргәыԥ» ицны, 300-ҩык рҟынӡа азыхәцәеи дгьылла иааит. Иара убас, аҭырқәа хәыцра змаз аԥсуа аамсҭашәараУи аамсҭашәара иалан: аамсҭа Кац Амаан, ақаԥдан Нарчоу Инал-иԥа, аҭауадацәа Амаршьанаа уҳәа у.е. Аслан-беи идгылеит, урҭ дрылан иашьа гәакьа Ҳасан-беи. Абаа зынӡа дгьылла иузымиааиуа иҟалеит. Ирылшоз аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара заҵә ракәын. Аха Аслан-беи иҽирӷәӷәон. Дара ирылшеит Рабиа-ҳаными лыҷкәын Баҭал-беии реиқәырхара, урҭ рзыҳәан аҭауад Сафар-беи ашасқәа ииҭеит. 1809 шықәсазы ԥҳәысс дааигеит акомендант Қәычықә-беи Чачба иԥҳа - Есма-ҳаным Чачба. Аха аурыс арр рҵыхәтәантәи ақәылара Аслан-беи изаанымкылеит. Ар дуӡӡа рыманы, Ҟрымынтәи Аҟәа-Қале (Аԥсуа аҳра аҳҭнықалақь, убри аамҭазы Аслан итәарҭа) ахь рхы дырхеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, ԥхынгәы жәаба рзы Аҟәатәи ахырӷәӷәарҭа ааныжьны, Аслан-беи адгьыл аҵаҟатәи амҩақәа дрылсны Гәымсҭаҟа дцеит, нас Саӡныҟа дцеит. . мини|377x377пкс|Аслан-беи иқәгылара. 1824 шықса. Асахь. Баҭал Џьапуа. Аслан-беи иқәгыларақәа 1812-1830 1812-1813 шш. иааз иқәгыларақәа 1812 шықәсазы аҭауад Аслан-беи, Ҭырқәтәыла ацхыраарала, аҭырқәа архәҭак иманы Ԥуҭ дыӡхыҵит. Абраҟагьы иара илшеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз агәыԥ хәыҷ еидкылара. Убас, «амч дуқәа» еизганы, Гәдааи Ҭамшьи рыла Аҟәаҟа ихы рханы дцоит. Аҭауад Сафар-беи, аҭауад Аслан-беи иҿагыларазы имч дақәым-гәыӷкәа, дырҩегьых мчыла Кавказ иҟаз арр рхада аинрал Ртишьчов иахь ацхы-раара даҳәар амуит. Аҵыхәтәантәи иҟаиҵаз адҵала, аполковник Мерлини игәыԥ, Агыруа аҭауад Никәала Адиан иаруаа еидгыланы, 15-тәи амаиор Егереитәи аполк аҭауад Кутеев инапхгара аҵаҟа иҟаз шьапылатәи абаталиони артиллериеи рыла, аҳ Сафар-беи ицхрааразы ицеит. Зегь реиҳа иуадаҩыз аиасрақәеи аӡиасқәеи рыхысрақәеи ирхысны, иаалырҟьаны Аԥсны аҳәаақәа ирылаланы, аҭауад Аслан-беи «ҭырқәтә-азыхәтә» ир зынӡа еиладырҩынтит, реизаразы аамҭа рымҭакәа. Аибашьра ималагеит. Ари амч ӷәӷәа артиллериала ишааиуаз анырдыр, ҭырқәтә гәыԥ еимырҵәеит. Аслан-беи хатәгәаԥхаралатәи агәыԥ еилеиганы, Аԥсны шьхақәа рҿы иҽиҵәахырц акәхеит. Аԥсны иқәынхоз, аҭауад Аслан-беи идгылаҩцәа, аҵахара роухьан, шьҭа иҟарҵашаз рыздыруамызт. 1813 ш. анҵәамҭаз Ҭрабзантәи асерасқьыр, Шәлиман-ԥашьа, аҭырқәа ар Аԥсны иалиргалеит, Аслан-беи ипартиа ацхыраара аиҭарц азы. Аха асерасқьыр илымшит Аслан-беи ицхраара, Ҭрабзанҟа дхынҳәит. Нанҳәатәи ақәгылара Жәабранмза 7 1821 ш., ачымазара иахҟьыны, иԥсҭазаара далҵоит Сафар-беи (Гьаргь II). Адырҩаҽны, жәабранмза 8 азы, 200 ҩык ауаа ааигәа иҟаз Ешыртәи ақыҭантәи аилаҩынҭра ҟарҵарц ицеит. Урҭ аурысцәа ргәыԥ иақәлеит, уи иахҟьаны аӡәы дҭахеит, ԥыҭҩыкгьы рхәит. Иара убри ашықәс жәабранмзазы, А.А. Велиаминов, Леуан Адиан иабжьагарала, Сафар-беи (Гьаргь) иԥҳәысеиба, аҳкәажә Ҭамара Адианԥҳа, Аԥсны ҳәынҭқарԥҳәысс дҟаиҵеит. Аԥсуа ақәгылаҩцәа русқәа рырццакра дахәаԥшуа, Урыстәылатәи аимператор Алықьсандр I, аинрал А.П. Ермолов иҳәарала, Аԥсны анапхгаҩыс, аполковник ичын змоу аҭауад Дырмит (Омар-беи) Чачба, икандидатура дшақәшаҳаҭу. 1821 ш. ԥхынгәы аҵыхәтәа азы, аҭауад Аслан-беи аамҭала илаҳәараны иаау аҳкәажәду Ҭамар лахь инаишьҭоит ицҳаражәҳәаҩцәа, длыҳәоит аиқәшаҳаҭра рнапаҵаркырц, ҭынч Аԥсныҟа аҩсра азы, насгьы ашацәа рзоужьра. Аҳкәажә Ҭамар Аслан-беи иделегациа лыдалкылоит Аҟәатәи абаа аҟны, аиҿцәажәарақәа мҩыԥысуан акомендант Михин илатәазааран. Аделигациа иқәдыргылаз аҳәарақәа мап ацәылкит. Аха Михини лареи рхатә еицәажәараҿ, аҳәара илҭит Лыхнытәи ахан азы ахьчацәа алхра, гәырҭәыла аиаша лҳәеит дшахьаҳәхьачуа лыуаа рыҵабыргазы. Акомендант Михин арратә мчымхра иахьҟьаны, лаҳәара мап ацәикит. Аха аҳкәажә Ҭамар лҭынчразы, Лыхныҟа инарышьтоит адәныцага, лхәычқәеи лареи еиманы Аҟәахь ииаргоит. Амала аҳкәажә илҭахымхаӡеит уа аанкылара «ажәлар умчымхара идумырбарц азы», илҳасабеит кәыдрытәи лмазара ахь адәықәлара. Ашьҭахь, нанҳәа 1 азы, ақәгылаҩцәа иргаз. Ақәгылыҩцәа Росҭом-беии, Ҭаир-беии, насгьы аҭауадацәа Амаршьанааи ракәын. Амацәаз аҭақра данақәшәа, аҳкәажә, лыгәрага, лхьыԥшы, ила акомендант Михин ацхыраара лиҭарц диҳәоит. Михин, аҳкәажә ашәарҭа дҭамгы-ларц азы, иҳасабеит аҵхтә аамҭа азы, аҳкәажә лахь инаишьҭоит адәныцага «Константин», уи аиҳабы алеитинант Хамутов ичартан ахь идикы-лоит Ҭамареи лхәаҷқәеи. Акомендант аурыс гарнизон ахьчараҿы акыраамҭа дыҟазарц шиҳәазгьы, аҳкәажә ҩаԥхьа мап ацәылкит, “хыҭҳәаа ҭынчрак” лгәра лнаргеит Аҟәатәи абаагәара аҟынтәи 30 верст рыбжьара иҟоу кәыдрытәи лмазарахь дхынҳәырц. Нанҳәа 21 рзы, аҭауад Аслан-беи кәыдрытә лтәарҭаҿы дгылан. Аҭауад Аслан-беи зықьҩыла ир анырба, Ҭамара лыдгылаҩцәа рыхәҭакгьы, аиҳараҩык, Аслан-беи иганахь ииасуа иалагеит. Ҩымчыбжь инареиҳаны лхала даныҟаз ашьҭахь, Аҳкәажә аблокада дахганы, адәныҟатәи адунеи лыҽлыламырхәкәа. Аҳкәажә лҽанылҭа, дышиҵахаз анылҳәа, цәыббра 11 рзы аҭауад Аслан-беи Аҟәа амацәаз иҭаикын, дук мырҵыкәа Аԥсны зегьы инапаҿы иааникылеит. Аслан-беи ирр есымша иазҳауан. Акомендант Михин арратә еиҳабыра дрыҳәоит иҵегь ихарҭәаау арр. Ус жьҭаара 21, 1821 ш., аҭауад Дырмит Кәҭешьҟа дааиуеит, анаҩс аҭауад П.Д. Горчаков дицны Аԥсныҟа иҿынеихуеит. Убри аамҭаз, 1821 шықәсазы жьҭаара 21 рзы, шамахамзар, Аԥсны зегьы аҭауад Аслан-беи инапаҿы иҟан. Аҭауад Аслан-беи, аҭауад Горчоков дышзааигәахаз анеиликаа, Кәыдрыҟа дыццакит, уи иманшәалаз ҭыԥны иԥхьаӡон. 1821 шықәсазы абҵара 1 азы, Мырзаҟан аҳәааҿы, аҭауад Горчаков ажәабжь иоуит, аҭауад Аслан-беи хнызқьҩык ашьхарыуаа иманы Кәыдры ахықәи Кьалашәыр ақыҭеи рыбжьара дгылоуп ҳәа. Аҭауад Аслан-беи хықәкыс иқәиргылеит аурыс ирр Аҟәа иаламларц. Кәыдры аӡиас ахьынтә 4 верст раҟара бжьаны, Никәала Адиан напхгара зиҭоз агыртәылатәи аҽыуаҩцәа, авангард иашьҭаланы инеиуаз, раԥхьаӡа аҭауад Аслан-беи ир иақәшәеит, ацәыӡ дугьы роуит. Аха дук мырҵыкәа, аҭауад Аслан-беи, иааҟәымҵӡакәа илымҳа ҭызхуаз абзарбзанқәеи, хара ицоз ашәақьқәеи рыхысрақәа рыҵаҟа дхьаҵыр акәхеит. Ақәгыларақәа рҵыхәаԥҵәара 1821 шықәсазы абҵара 30 азы Лыхны азакәантә аҳс дрылаҳәан аҳиԥа Дырмит I Чачба. Уи ашьҭахь, 1822, 1824, 1830 шықәсақәа рзы ақәгыларақәа напхгара рзиуан, зныкымкәа Аԥсны зегьы иигахьан. Аха иара илымшеит Аԥсны аиоура. 1830 шықәсазы Ҭырқәтәылаҟа дцеит, Сҭампылҟа, уаҟа иԥсҭазаара далҵит. Аҭаҳцәа Аслан-беи дыԥсылманын. Аԥсҳа ҩынтә аҭаацәара далалеит. Раԥхьатәи иԥҳәыс, 1808 шықәса инаркны, Саӡтәылатәи анапхгаҩы Рашыд Гьачба иаҳәшьа — Дида-ҳаным Гьачԥҳа (? -1810) лакәын. Аҩбатәи иԥҳәыс, 1809 шықәса инаркны, иҭынха - аҳкәажә Есма-ханум Чачԥҳа (1793-1825) лакәын. Аслан-беи Шьырын-беи захьӡыз аԥа диман, аха дызхылҵыз ан еилкаам. Аслан-беи раԥхьатәи иԥҳәыс лҽылшьит, ачара ашьҭахь ҩышықәса анҵы. Аҩбатәи аԥҳәыс лыԥсҭазаара иазкны акгьы еилкааӡам. Азгәаҭқәа Акатегориа:1778 шықәсазы ииз Акатегориа:1830 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсуа аҳра ахцәа Акатегориа:Чачаа
37268
https://ab.wikipedia.org/wiki/Бӷажәба,_Хәыхәыт_Салуман-иԥа
Бӷажәба, Хәыхәыт Салуман-иԥа
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы |ахьӡ=Хәыхәыт Салуман-иԥа Бӷажәба |даҽа ахьӡ=Хухут Соломонович Бгажба |аира аҭыԥ=[[Гәыԥ]] ақыҭа, [[Кәыдрытәи аучасток]], [[Аҟәатәи аокруг]], [[Урыстәылатәи аимпериа]] |аԥсра аҭыԥ=[[Аҟәа]], [[Аԥсны Аҳәынҭқарра]]}} '''Хәыхәыт Салуман-иԥа Бӷажәба''' ({{lang-ru|Хухут Соломонович Бгажба}}; {{date|15|10|1914}}, [[Гәыԥ]] ақыҭа, [[Кәыдрытәи аучасток]] (иахьатәи [[Очамчыра араион]]), [[Аҟәатәи аокруг]], [[Урыстәылатәи аимпериа]] – {{date|23|12|2000}}, [[Аҟәа]], [[Аԥсны Аҳәынҭқарра|Аԥсны]]) – аԥсуа лингвист, алитератураҭҵааҩ, афольклорист. Раԥхьатәи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа дыруаӡәкуп ([[1941]]). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ([[1969]]). [[Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа]] академик ([[1997]]), [[СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла]] алахәыла, Аԥсни Қырҭтәылеи аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, [[Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа]] алауреат ([[1986]], ашәҟәы «Аиҩызара ашықәснҵа адаҟьақәа» азы). Аԥсуаҭҵаареи, аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рыҭҵаараҿы илагала дууп. ==Хәыхәыт Бӷажәба инысымҩа== Иаб данԥсы ([[1923]]) ашьҭахь, ихәыҷра шықәсқәа ихигеит ианшьцәа рҟны, [[Арасаӡыхь (Очамчыра)|Арасаӡыхь]] ақыҭан. Ҩышықәса аҵара иҵон Очамчыратәи жәшықәсатәи ашкол аҟны. Анаҩс Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ далгеит ([[1933]]). Иҵара иациҵеит [[В. И. Ленин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт]] аҭоурых-филологиатә факультет аҟны ([[1937]]). [[1938]] шықәсазы С. Н. Џьанашьиа иабжьгарала, [[Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа]] абызшәадырра аинститут аспирантура дҭалеит. Иҵара далгеит [[1941]] шықәсазы, акандидаттә диссертациагьы ихьчеит. [[1937]] ш. ҭагалан инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – [[Аԥсуаҭҵаара аинститут]]) аҭҵаарадырратә усзуҩын, иара убас Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩсгьы дыҟан. Алитература-сахьаркыратә журнал «[[Аԥсны ҟаԥшь]]» аредакторс даман. [[1941]] ш. нахыс, аспирантура даналга аус иуан Аԥсуа институт аҟны литературатә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – адиректор ихаҭыԥуаҩыс (1949–1953), адиректорс (1953–1966), абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс, алитературеи афольклори рыҟәша аиҳабыс, аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас (1996 ш. инаркны). 1945–1948 шш. раан – [[Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла]] дахантәаҩын. [[1969]] ш. [[Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет]] аҟны аԥсышәала ихьчеит адоктортә [[Адиссертациа|диссертациа]] «Аԥсуа бызшәабзыԥтәи адиалект афонетика-морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа». [[А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт]] аҟны аԥсуа литературеи, абызшәадырра алагалеи, азеиԥш бызшәадырреи ирызкны алекциақәа дрыԥхьон (1940–1970 шш.). [[Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет]] адепутатс далырххьан (1938; 1947; 1951; насгьы 1954 шықәсазы), [[Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет]] ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан (1959–1966). Алитературатәи аҭҵаарадырратәи усура хациркит [[1933]] шықәсазы «Ҳаамҭазтәи аԥсуа литература критикала ахәаԥшра…» ишәҟәы ала (аԥсуа литературатә критикеи алитератураҭҵаареи русхк аҟны ари раԥхьатәиуп). Хәыхәыт Салуман-иԥа иԥсҭазаара далҵит [[2000]] шықәса [[ԥхынҷкәынмза 23]] рзы, 86 шықәса дшырҭагылаз. ==Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз…== Хәыхәыт иаб [[Бӷажәба, Салуман Еқәыԥ-иԥа|Салуман Еқәыԥ-иԥа Бӷажәба]] иԥсы шҭаз ажәлар ашәа зхырҳәааз дреиуоуп. Ишдыру еиԥш, ажәлар ус аламала аӡәгьы ашәа ихырҳәааӡом, уи азы ажәлар рыхьӡ-рыԥша ҭызго, гәадурас ишьҭырхша, изҿыԥшыша хаҵарак ихыҩроуп, фырхаҵарак ҟаиҵароуп. Баша иауиҳәах Аԥсны жәлар рпоет, академик [[Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа|Баграт Шьынқәба]] абарҭ ажәақәагьы: «Насыԥ имоуп ажәлар лыԥха зырҭаз, даԥсоуп ҳәагьы рхаҵашәа иаԥсахаз». Салуман Абӷажәба иашәа Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз, Шьыбжьаанӡа зшьа зуз, Абӷажә Салуман. Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәа, Ҵлак згәы ҭрысны иавамгылоз, Салуман ахаҵа! Ԥҳәыск илыхшаз аӡә изыҳәан, Амҩахәасҭахь имҩахымҵуаз, Салуман ахаҵа! Аҭауадцәа жәлар зыргәаҟуаз, Иашьа даныршь, ибналақәаз, Уа дрыхьӡеит, ахаҵа! Ашьжьымҭанӡа иашьа дыршьит, Шьыбжьаанӡа ишьа иуит, Салуман ахаҵа! Иаԥсуа кәымжәи, ихҭарԥа рқьақьеи, Иҽыхәа иаҵәа ҽырԥа-ҽырԥо, Салуман ахаҵа! Зыԥсадгьылаҿ зашәахә камшәо, Анхаҩыжәлар рыхьӡ ҭызгаз Салуман ахаҵа! Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз, Шьыбжьаанӡа зшьа зуз, Абӷажә Салуман! [[Бӷажәаа]] хыԥхьаӡарала Аԥсны ирацәам, урҭ раԥхьа инхон [[Адлер араион]] иахьаҵанакуаз, аха амҳаџьырра иҭанарцәит, иаанхаз нхыҵҟа ицеит. Бӷажәаа, [[Нхыҵ Кавказ]]гьы иҟоуп, Бгажоков ҳәа ауп ишырдыруа. Бӷажәаа арахь иқәнагалеит шьоурак аҵыхәала, аишьцәа Шьаадаҭи Шьааби раԥхьа инанагеит Ҭхьына ақыҭа зымҽхакны инхоз аҭауад Ӡаԥшь-иԥа иаҳҭынраҿы. Уи аҭауад зажәа ԥхылдаз, кыр зылшоз, ауа-адыр, аҭахы змаз аӡә иакәын. Уи нхыҵынтәи иааз аишьцәа Бӷажәаа, Шьаадаҭи Шьааби, игәаԥхеит, дара рхаҭақәагьы рнаалашьа, рыԥшра, рсахьа, рҽы, ркәадыр, рабџьармаҭәа уҳәа иахьынеибыҭаз абарҭ ахацәа акала исзыҟандаз уҳәарын уанрыхәаԥшлак. Аҭауад Ӡаԥшь-иԥа ибзоураны, иара ицхыраарала, аишьцәа Шьаадаҭи Шьааби анхарҭа ылырхит [[Тҟәарчал]]. [[Аалӡга]] аԥшаҳәа [[Аҟәарчаԥан]] аҳаблаҿы. Кавказ Нхыҵынтә иааз Шьаадаҭ иԥацәа дыруаӡәкуп Хәыхәыт Бӷажәба иабду Едгьы. Ари ахҭыс ҟалеит убла хызкуа [[Тҟәарчал (ақыҭа)|Тҟәарчал]] ақыҭан, ашьха ашьапаҿы ишьҭоу Аџьамԥазра ҳәа захьӡу аҭыԥ аҟны. Уаҟа хҩык иԥацәа – Еқәыԥи, Қьысқьынџьи, Салумани иманы дынхон Едгьы Бӷажәба. Ари аҭаацәарахь ажәлар ирымаз апатуқәҵареи аҳаҭыри ирхырҟьаны, аҭыԥантәи аҭауад [[Ачба, Шьмаф|Шьмаф Ачба]], Едгьы иԥацәеи иареи цәгьахәыцрала дрыхәаԥшуа далагеит. Еиҳаракгьы, аҷкәынцәа рашьеиҳабы Еқәыԥ, уи лассы-лассы иҽырԥагьаны ихы мҩаԥигалон, дарбанзаалак аӡәы, дҭауадзаргьы, иҿаԥхьа ихы ларҟәны дгылап ҳәа игәы иҭамызт. Ус шакәызгьы, Еқәыԥи аҭауад иԥа [[Аиба, Асҭамыр Виачеслав-иԥа|Асҭамыр Ачбеи]] рхәыҷраахыс аиҩызара рыбжьан. Аҩыџьагьы рыҽқәа ирықәтәаны иахьнеилак, дара ракәын зегьы зхәаԥшуаз, убасҟак улаԥш аҿы иааиуан. Аха ҽнак азы аиҩызцәа рыбжьара ахлымӡаах ҟалоит. Абар уи ахҭыс дшахцәажәо алитератураҭҵааҩы [[Капба, Руслан|Руслан Капба]] ишәҟәы «Хәыхәыт Бӷажәба» аҟны: «Асҭамыри Еқәыԥи ирыӡбоит Самырзаҟан инхоз ирзааигәақәаз џьоукы сасра ирызцарц. Усҟантәи аамҭазы ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа – мышқәак аангыларазы ауацәа рахь сасра ҳәа ацара – аԥсуаа рҵас иалан. Аҷкәынцәа хынҳәны ианаауаз ҳаԥсы неиҭаҳкып ҳәа имҩахыҵуеит [[Аршба, Дырҩыг|Дырҩыг Аршба]] иҩнаҭахьы. Аԥшәма ишихәҭоу еиԥш, пату рықәҵаны, чеиџьыкала асасцәа идикылоит, анаҩс иааилахәлон еиԥш, аԥшәма иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, аиҩызцәа рымҩа инықәлоит. Аӡиас Аалӡга азааигәара иҟаз аџьықәреирҭа иалсны ишнеиуаз, гәашә дук инадгылеит. Аԥхьа дгылан Еқәыԥ, уи дишьҭанеиуан Асҭамыр. Агәашә аасыртып ҳәа Еқәыԥ ихы анылаирҟә, Асҭамыр аԥхьыжәҳәа итапанча аҭра иааҭыганы Еқәыԥ ихәдаџьал инадкыланы ҩынтә дхысуеит. Адауаԥшь иҩызаз ахаҵа, ажәакгьы аҳәара дахьымӡакәа иҽы днақәыҩрны, иааиртып ҳәа дызҿыз агәашә аҿаԥхьа дынкаҳуеит». Ахәымгара ҟазҵаз Асҭамыр Ачба иҽиҵәахуеит [[Ҷлоу]] инхоз иуак иҿы. Мызкы инеиҳаны аӡиас Аалӡга аҟәара зегь еимдо Еқәыԥ Бӷажәба иԥсыбаҩ иашьҭан, иагьырыԥшааит иҽы ахьҿаҳәаз азааигәара – абӷьы зқәыԥсаны аԥхасҭахара иалагахьаз иԥсыбаҩ. Ари арыцҳара аныҟала Еқәыԥ иашьцәа – Қьысқьынџьи Салумани рыҩны индәылҵны ицоит. Хара имгакәа Салуман ихы Асҭамыр Ачба ихьӡоит. Салуман иашьеиҳаб ишьа иуит. Уи аамҭазы иара 21 шықәса ракәын ихыҵуаз. Уинахыс, Бӷажәааи Ачааи ашьа рыбжьалоит… уи иагьахылҿиаауеит алахьеиқәратә хҭысқәа. [[Бӷажәба, Олег Хәыхәыт-иԥа|Олег Хәыхәыт-иԥа Бӷажәба]] иажәақәа рыла, иабду акыраамҭа ашьхақәеи абнақәеи дрылан, анаҩс [[Сибра]]ҟа дахган, уахь дыҟан аашықәса. Уи ашьҭахь, азин шимамызгьы, Салуман иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, анхара далагоит Гәыԥ ақыҭан. Уаантәи [[Николаи II]] иахь аҳәара иҩуеит, Аԥсны анхара азин ирҭарц. Иахьа уажәраанӡагьы Бӷажәаа рҭаацәара пату ақәҵаны, уи ашәҟәы ҵәахны ирымоуп. Убас иалагеит Хәыхәыт иаб изы аҭынч ԥсҭазаара, аха ихәыҷқәа ааӡо Гәыԥ дынхонаҵгьы, Салуман есымша игәиҽанын, Ачаа ршьоура дацәшәон. ==Аусуреи аҿар реиҵааӡареи аамҭа== Хәыхәыт Салуман-иԥа [[Аҟәа]]ҟа даныхынҳә аамҭазы, аԥсуа интеллигенциа анықәырхуаз аамҭақәа ракәын, иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы арепрессиақәа ирықәыршәан. [[1941]] шықәсазы Аҟәа анхарҭа ҭыԥ иашьҭаз зарԥысра иҭагылаз Хәыхәыт идыргалоит иҵарашықәсқәа раан акыр ицхраахьаз, уи аамҭазы арепрессиа иақәдыршәахьаз [[Самсон Ҷанба иуаҭах аордер]]. Бӷажәба уи ауаҭах мап ацәикит – иламыс иауамызт иҭацәыз Ҷанба иуаҭах аҩналара. Аха уи аамҭазы идыргалаз Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥгьы мап ацәкра шәарҭан, убри азын уи амаҵура ааникылоит. Иазгәаҭатәуп, Хәыхәыт Бӷажәба, иара убасгьы, Асовет Еидгыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылас дшыҟаз, уи зырҵабыргуаз ашәҟәы Максим Горки хаҭалатәи инапынҵа анын. [[1942]] шықәсазы аҵарауаҩ қәыԥш аусура далагоит [[Аԥсуаҭҵааратә институт]] аҟны. Уаҟа иҽазикит абызшәадырра, иҽадцаланы иҭиҵаауан аԥсуа бызшәа иаҵоу амаӡақәа. Убасгьы алитературатә критикатә статиақәа иҩуан. Анаҩс, Аԥсуа институт аҟны абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс дҟалоит, [[1943]] шықәса инаркны [[1953]] шықәсанӡа аҭҵаарадырратә ҟәша адиректор ихаҭыԥуаҩс дыҟан, [[1953]] шықәса инаркны [[1966]] шықәсанӡа – Аинститут дахагылан. [[Аԥсуара|Аԥсуареи]], [[Аԥсуа бызшәа|аԥсуа бызшәеи]], амилаҭтә кадрқәа рааӡареи аҿагылара анарҭоз аамҭа хьанҭақәа рзы, Хәыхәыт Салуман-иԥеи, уи ихаҭыԥуаҩ Ақыбеи Хонелиеи ирылшоз зегь ҟарҵеит, аԥсуа ҭҵаарадырра ахаҭарнак ҿарацәа, Асовет Еидгыла иреиӷьӡоу, иреиҳаӡоу аҵариурҭақәеи аспирантурақәеи рҭаҵаразы. Усҟан изыцхырааз аҿарацәа рыҟнытә аӡәырҩы иахьазы иналукааша аԥсуа аҭҵаарадырра усзуҩцәас иҟоуп. ==Раԥхьаӡатәи алитературатә критик== Хәыхәыт Бӷажәба иусумҭақәа рҟынтә зегьы реиҳа ихаданы иԥхьаӡоуп – «Ҳаамҭазтәи аԥсуа бызшәа иаазыркьаҿу аочеркқәа». Иара убасгьы, аҵарауаҩ иҩхьан иналукааша аԥсуа литература аусзуҩцәа рыԥсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи ирызку амонографиақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Дырмит Гәлиа]], [[Коӷониа, Иуа Абас-иԥа|Иуа Коӷониа]], [[Лакрба, Миха Алеқсандр-иԥа|Миха Лакрба]], [[Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа|Баграт Шьынқәба]] уҳәа убас егьырҭгьы. Абасала, Хәыхәыт Бӷажәба Аԥсны алитературатә критика ажанр ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡоуп. Асахьаркыратә литература мацара акәымкәан, Бӷажәба убасгьы иҭиҵаауан афольклор, абызшәадырреи алингвистикеи рыпроблемақәа. Хәыхәыт Бӷажәба хаҭала далахәын ифундаменталтәу аусумҭақәа раԥҵара. Адоктортә диссертациа Бӷажәба ихьчоит [[1969]] шықәсазы. Иусумҭа темас иаман: «Аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект афонетика - морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа». ==Ахатәы ԥсҭазаара== Хәыхәыт Бӷажәба иԥшәмаԥҳәыс Татиана еицырдыруаз аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Андреи Ҷоҷуа иԥҳа лакәын. Лара занааҭла дботаникын, аҭҵаарадыррақәа ркандидатс дыҟан, [[Аботаникатә баҳча]]ҿы аус луан. Хәыхәыт Салуман-иԥеи Татиана Андреи-иԥҳаи дырхылҵит аԥа – Олег Бӷажәба. Олег ихәыҷрашықәсқәа реиҳарак иабду иҿоуп иахьихигаз, уаҟа драаӡон ианшьа иԥҳагьы – Жанна Ҷоҷуа. ==Аԥсны анҭыҵтәи аныҟәарақәа== Хәыхәыт Бӷажәба ҵарауаҩык иаҳасабала, [[Аԥсны|Аԥсни]], [[Қырҭтәыла|Қырҭтәылеи]], [[Урыстәыла|Урыстәылеи]] дырдыруан, акыр ([[Қарҭ]], [[Москва]], [[Нальчик]], [[Грозныи]], [[Маиҟәаԥ]]) ақалақьқәа рҿы ицоз аҭҵаарадырратә конференциақәа, аконгрессқәа, асимпозиумқәа ихы рылаирхәуан аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рпроблемақәа ирызкны. Убас, Москва [[1960]] шықәсазы имҩаԥысыз Мрагыларадырра жәларбжьаратәи XXV аконгресс далахәын, уаҟа ажәахә ҟаиҵеит «Бзыбский диалект абхазского языка и его говоры» ҳәа. Абри ажәахә хазы шәҟәынгьы Москва 1960 шықәсазы иҭнажьит «Издательство восточной литературы». Хәыхәыт Бӷажәба бызшәадырҩык иаҳасабала Асовет Еидгыла анҭыҵгьы дырдыруан, еиҳаракгьы [[Кавказтәи ажәларқәа]] рҭоурыхи рбызшәеи ҭызҵаауаз аҵарауаа. Хәыхәыт Бӷажәба аҳәаанырцәтәи аҭҵаарадырратә жәларбжьаратәи асимпозиумқәеи аконгрессқәеи рнаҩсангьы, туристк иаҳасабала дныҟәахьан [[Европатәи атәылақәа]] жәпакы рҿгьы, иаагап [[1974]] шықәсазы уи дыҟан [[Германиатәи Адемократиатә Республика |ГДР]], [[1977]] шықәсазы [[Румыниа]], [[Иугославиа]], [[1981]] шықәсазы хаҭалатәи ааԥхьарала ҩаԥхьа дыҟан Румыниа, [[1982]] шықәсазы – [[Чехословакиа]]. Арҭ иныҟәарақәа рҿы ҵарауаҩык иаҳасаб ала, уи дрызҿлымҳан дызҭааз атәылақәа рҭоурых, ркультура, рлитература, рыԥсҭазаара уҳәа жәпакы, насгьы ҳаҭыр ду изақәны дрыхцәажәон арҭ атәылақәа ирықәынхо, Европа иашьагәыҭу ажәларқәа адунеитәи ацивилизациа зырҿио, изырԥшӡо ишырхаҭарнакцәоу, рынхашьа-рынҵышьа, акультураҿгьы ирҿуҵааша акыр шыҟоу. Хаҭалагьы ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа иидыруазгьы ыҟан. ==Хәыхәыт Бӷажәба иусумҭақәа== 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи, ашколқәа рзы ахатәы бызшәеи алитературеи ирызку амонографиақәа жәаҩа дравторуп. Урҭ рызкуп аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори, Аԥсны аҩыратә баҟақәа рҭоурыхи, Аԥсны атопонимикеи аетнонимикеи рызҵаарақәа. «Аурыс-аԥсуа жәар» (Аҟәа, 1964) аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп, аҭакзыԥхықәу редакторсгьы даман. Хә. Бӷажәба аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы рышәҟәқәа рҭыжьразы атекстологиатә усура ду мҩаԥигеит (Д. Гәлиа, С. Ҷанба, А. Ҷоҷуа, И. Коӷониа, В. Агрба, А. Аҳашба, Н. Џьанашьиа, А. Чыкәбар, Д. Маан, С. Бжьаниа, В. Маан, О. Демерџьиԥа уҳәа). Аурысшәахь еиҭеигеит, егьыҭижьит аизга «Аԥсуа лакәқәа» (Аҟәа, 1959), ашьҭахь уи акырынтә еиҭаҭыжьын. «Аурыс-аԥсуа жәар» (1964), авторцәа рколлектив напхгаҩыс даман, авторцәа дыруаӡәкын, аредактор хадасгьы даман, иара убас «Аԥсуа литература аҭоурых аочерк» (1967), «Аԥсуа бызшәа аграмматика. Афонетикеи аморфологиеи» (1958), «Аԥсуа алитература аҭоурых» (1986). Аԥсшәахь еиҭеигеит А. Н. Толстои, И. А. Крылов ражәеинраалақәа, М. И. Лермонтов иажәеинраала «Русалка», А. П. Чехов, А. Исаакиан ражәабжьқәа. ==Ахархәара змоу алитература== РУСЛАН ҚАПБА. Хәыхәыт Бӷажәба. Аҟәа – «Алашара» – 2005 ==Азхьарԥшқәа== *http://apsnyteka.org/1295-bgazhba_kh_stati.html *https://www.ekhokavkaza.com/a/26641207.html *https://abaza.org/abk/khuykhuyt-bgazhba-zhlar-rfyrkhatsa-ipa-attsaaradyrra-auszuyuy *http://spapsny.org/pisateli/bgazhba-xuxut-solomonovich *http://apsnyteka.org/1433-kapba_r_khukhut_bgazhba_na_abkh_jazyke_2005.html *Абхазские сказки. Книги онлайн. [https://online-knigi.com/page/634960 online-knigi.com] *https://abaza.tv/news/?ID=1103 *http://apsnyteka.org/1295-bgazhba_kh_stati.html [[Акатегориа:1914 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 15 рзы ииз]] [[Акатегориа:2000 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 23 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны алингвистцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны алитератураҭҵааҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны афольклористцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академикцәа]] [[Акатегориа:СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәа]] [[Акатегориа:Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреатцәа]] [[Акатегориа:Бӷажәаа]]
Хәыхәыт Салуман-иԥа Бӷажәба (; , Гәыԥ ақыҭа, Кәыдрытәи аучасток (иахьатәи Очамчыра араион), Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи аимпериа – , Аҟәа, Аԥсны) – аԥсуа лингвист, алитератураҭҵааҩ, афольклорист. Раԥхьатәи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа дыруаӡәкуп (1941). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1969). Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (1997), СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсни Қырҭтәылеи аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1986, ашәҟәы «Аиҩызара ашықәснҵа адаҟьақәа» азы). Аԥсуаҭҵаареи, аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рыҭҵаараҿы илагала дууп. Хәыхәыт Бӷажәба инысымҩа Иаб данԥсы (1923) ашьҭахь, ихәыҷра шықәсқәа ихигеит ианшьцәа рҟны, Арасаӡыхь ақыҭан. Ҩышықәса аҵара иҵон Очамчыратәи жәшықәсатәи ашкол аҟны. Анаҩс Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ далгеит (1933). Иҵара иациҵеит В. И. Ленин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых-филологиатә факультет аҟны (1937). 1938 шықәсазы С. Н. Џьанашьиа иабжьгарала, Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура дҭалеит. Иҵара далгеит 1941 шықәсазы, акандидаттә диссертациагьы ихьчеит. 1937 ш. ҭагалан инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – Аԥсуаҭҵаара аинститут) аҭҵаарадырратә усзуҩын, иара убас Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩсгьы дыҟан. Алитература-сахьаркыратә журнал «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс даман. 1941 ш. нахыс, аспирантура даналга аус иуан Аԥсуа институт аҟны литературатә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – адиректор ихаҭыԥуаҩыс (1949–1953), адиректорс (1953–1966), абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс, алитературеи афольклори рыҟәша аиҳабыс, аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас (1996 ш. инаркны). 1945–1948 шш. раан – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын. 1969 ш. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥсышәала ихьчеит адоктортә диссертациа «Аԥсуа бызшәабзыԥтәи адиалект афонетика-морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа». А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны аԥсуа литературеи, абызшәадырра алагалеи, азеиԥш бызшәадырреи ирызкны алекциақәа дрыԥхьон (1940–1970 шш.). Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан (1938; 1947; 1951; насгьы 1954 шықәсазы), Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан (1959–1966). Алитературатәи аҭҵаарадырратәи усура хациркит 1933 шықәсазы «Ҳаамҭазтәи аԥсуа литература критикала ахәаԥшра…» ишәҟәы ала (аԥсуа литературатә критикеи алитератураҭҵаареи русхк аҟны ари раԥхьатәиуп). Хәыхәыт Салуман-иԥа иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәса ԥхынҷкәынмза 23 рзы, 86 шықәса дшырҭагылаз. Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз… Хәыхәыт иаб Салуман Еқәыԥ-иԥа Бӷажәба иԥсы шҭаз ажәлар ашәа зхырҳәааз дреиуоуп. Ишдыру еиԥш, ажәлар ус аламала аӡәгьы ашәа ихырҳәааӡом, уи азы ажәлар рыхьӡ-рыԥша ҭызго, гәадурас ишьҭырхша, изҿыԥшыша хаҵарак ихыҩроуп, фырхаҵарак ҟаиҵароуп. Баша иауиҳәах Аԥсны жәлар рпоет, академик Баграт Шьынқәба абарҭ ажәақәагьы: «Насыԥ имоуп ажәлар лыԥха зырҭаз, даԥсоуп ҳәагьы рхаҵашәа иаԥсахаз». Салуман Абӷажәба иашәа Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз, Шьыбжьаанӡа зшьа зуз, Абӷажә Салуман. Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәа, Ҵлак згәы ҭрысны иавамгылоз, Салуман ахаҵа! Ԥҳәыск илыхшаз аӡә изыҳәан, Амҩахәасҭахь имҩахымҵуаз, Салуман ахаҵа! Аҭауадцәа жәлар зыргәаҟуаз, Иашьа даныршь, ибналақәаз, Уа дрыхьӡеит, ахаҵа! Ашьжьымҭанӡа иашьа дыршьит, Шьыбжьаанӡа ишьа иуит, Салуман ахаҵа! Иаԥсуа кәымжәи, ихҭарԥа рқьақьеи, Иҽыхәа иаҵәа ҽырԥа-ҽырԥо, Салуман ахаҵа! Зыԥсадгьылаҿ зашәахә камшәо, Анхаҩыжәлар рыхьӡ ҭызгаз Салуман ахаҵа! Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз, Шьыбжьаанӡа зшьа зуз, Абӷажә Салуман! Бӷажәаа хыԥхьаӡарала Аԥсны ирацәам, урҭ раԥхьа инхон Адлер араион иахьаҵанакуаз, аха амҳаџьырра иҭанарцәит, иаанхаз нхыҵҟа ицеит. Бӷажәаа, Нхыҵ Кавказгьы иҟоуп, Бгажоков ҳәа ауп ишырдыруа. Бӷажәаа арахь иқәнагалеит шьоурак аҵыхәала, аишьцәа Шьаадаҭи Шьааби раԥхьа инанагеит Ҭхьына ақыҭа зымҽхакны инхоз аҭауад Ӡаԥшь-иԥа иаҳҭынраҿы. Уи аҭауад зажәа ԥхылдаз, кыр зылшоз, ауа-адыр, аҭахы змаз аӡә иакәын. Уи нхыҵынтәи иааз аишьцәа Бӷажәаа, Шьаадаҭи Шьааби, игәаԥхеит, дара рхаҭақәагьы рнаалашьа, рыԥшра, рсахьа, рҽы, ркәадыр, рабџьармаҭәа уҳәа иахьынеибыҭаз абарҭ ахацәа акала исзыҟандаз уҳәарын уанрыхәаԥшлак. Аҭауад Ӡаԥшь-иԥа ибзоураны, иара ицхыраарала, аишьцәа Шьаадаҭи Шьааби анхарҭа ылырхит Тҟәарчал. Аалӡга аԥшаҳәа Аҟәарчаԥан аҳаблаҿы. Кавказ Нхыҵынтә иааз Шьаадаҭ иԥацәа дыруаӡәкуп Хәыхәыт Бӷажәба иабду Едгьы. Ари ахҭыс ҟалеит убла хызкуа Тҟәарчал ақыҭан, ашьха ашьапаҿы ишьҭоу Аџьамԥазра ҳәа захьӡу аҭыԥ аҟны. Уаҟа хҩык иԥацәа – Еқәыԥи, Қьысқьынџьи, Салумани иманы дынхон Едгьы Бӷажәба. Ари аҭаацәарахь ажәлар ирымаз апатуқәҵареи аҳаҭыри ирхырҟьаны, аҭыԥантәи аҭауад Шьмаф Ачба, Едгьы иԥацәеи иареи цәгьахәыцрала дрыхәаԥшуа далагеит. Еиҳаракгьы, аҷкәынцәа рашьеиҳабы Еқәыԥ, уи лассы-лассы иҽырԥагьаны ихы мҩаԥигалон, дарбанзаалак аӡәы, дҭауадзаргьы, иҿаԥхьа ихы ларҟәны дгылап ҳәа игәы иҭамызт. Ус шакәызгьы, Еқәыԥи аҭауад иԥа Асҭамыр Ачбеи рхәыҷраахыс аиҩызара рыбжьан. Аҩыџьагьы рыҽқәа ирықәтәаны иахьнеилак, дара ракәын зегьы зхәаԥшуаз, убасҟак улаԥш аҿы иааиуан. Аха ҽнак азы аиҩызцәа рыбжьара ахлымӡаах ҟалоит. Абар уи ахҭыс дшахцәажәо алитератураҭҵааҩы Руслан Капба ишәҟәы «Хәыхәыт Бӷажәба» аҟны: «Асҭамыри Еқәыԥи ирыӡбоит Самырзаҟан инхоз ирзааигәақәаз џьоукы сасра ирызцарц. Усҟантәи аамҭазы ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа – мышқәак аангыларазы ауацәа рахь сасра ҳәа ацара – аԥсуаа рҵас иалан. Аҷкәынцәа хынҳәны ианаауаз ҳаԥсы неиҭаҳкып ҳәа имҩахыҵуеит Дырҩыг Аршба иҩнаҭахьы. Аԥшәма ишихәҭоу еиԥш, пату рықәҵаны, чеиџьыкала асасцәа идикылоит, анаҩс иааилахәлон еиԥш, аԥшәма иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, аиҩызцәа рымҩа инықәлоит. Аӡиас Аалӡга азааигәара иҟаз аџьықәреирҭа иалсны ишнеиуаз, гәашә дук инадгылеит. Аԥхьа дгылан Еқәыԥ, уи дишьҭанеиуан Асҭамыр. Агәашә аасыртып ҳәа Еқәыԥ ихы анылаирҟә, Асҭамыр аԥхьыжәҳәа итапанча аҭра иааҭыганы Еқәыԥ ихәдаџьал инадкыланы ҩынтә дхысуеит. Адауаԥшь иҩызаз ахаҵа, ажәакгьы аҳәара дахьымӡакәа иҽы днақәыҩрны, иааиртып ҳәа дызҿыз агәашә аҿаԥхьа дынкаҳуеит». Ахәымгара ҟазҵаз Асҭамыр Ачба иҽиҵәахуеит Ҷлоу инхоз иуак иҿы. Мызкы инеиҳаны аӡиас Аалӡга аҟәара зегь еимдо Еқәыԥ Бӷажәба иԥсыбаҩ иашьҭан, иагьырыԥшааит иҽы ахьҿаҳәаз азааигәара – абӷьы зқәыԥсаны аԥхасҭахара иалагахьаз иԥсыбаҩ. Ари арыцҳара аныҟала Еқәыԥ иашьцәа – Қьысқьынџьи Салумани рыҩны индәылҵны ицоит. Хара имгакәа Салуман ихы Асҭамыр Ачба ихьӡоит. Салуман иашьеиҳаб ишьа иуит. Уи аамҭазы иара 21 шықәса ракәын ихыҵуаз. Уинахыс, Бӷажәааи Ачааи ашьа рыбжьалоит… уи иагьахылҿиаауеит алахьеиқәратә хҭысқәа. Олег Хәыхәыт-иԥа Бӷажәба иажәақәа рыла, иабду акыраамҭа ашьхақәеи абнақәеи дрылан, анаҩс Сибраҟа дахган, уахь дыҟан аашықәса. Уи ашьҭахь, азин шимамызгьы, Салуман иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, анхара далагоит Гәыԥ ақыҭан. Уаантәи Николаи II иахь аҳәара иҩуеит, Аԥсны анхара азин ирҭарц. Иахьа уажәраанӡагьы Бӷажәаа рҭаацәара пату ақәҵаны, уи ашәҟәы ҵәахны ирымоуп. Убас иалагеит Хәыхәыт иаб изы аҭынч ԥсҭазаара, аха ихәыҷқәа ааӡо Гәыԥ дынхонаҵгьы, Салуман есымша игәиҽанын, Ачаа ршьоура дацәшәон. Аусуреи аҿар реиҵааӡареи аамҭа Хәыхәыт Салуман-иԥа Аҟәаҟа даныхынҳә аамҭазы, аԥсуа интеллигенциа анықәырхуаз аамҭақәа ракәын, иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы арепрессиақәа ирықәыршәан. 1941 шықәсазы Аҟәа анхарҭа ҭыԥ иашьҭаз зарԥысра иҭагылаз Хәыхәыт идыргалоит иҵарашықәсқәа раан акыр ицхраахьаз, уи аамҭазы арепрессиа иақәдыршәахьаз Самсон Ҷанба иуаҭах аордер. Бӷажәба уи ауаҭах мап ацәикит – иламыс иауамызт иҭацәыз Ҷанба иуаҭах аҩналара. Аха уи аамҭазы идыргалаз Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥгьы мап ацәкра шәарҭан, убри азын уи амаҵура ааникылоит. Иазгәаҭатәуп, Хәыхәыт Бӷажәба, иара убасгьы, Асовет Еидгыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылас дшыҟаз, уи зырҵабыргуаз ашәҟәы Максим Горки хаҭалатәи инапынҵа анын. 1942 шықәсазы аҵарауаҩ қәыԥш аусура далагоит Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Уаҟа иҽазикит абызшәадырра, иҽадцаланы иҭиҵаауан аԥсуа бызшәа иаҵоу амаӡақәа. Убасгьы алитературатә критикатә статиақәа иҩуан. Анаҩс, Аԥсуа институт аҟны абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс дҟалоит, 1943 шықәса инаркны 1953 шықәсанӡа аҭҵаарадырратә ҟәша адиректор ихаҭыԥуаҩс дыҟан, 1953 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа – Аинститут дахагылан. Аԥсуареи, аԥсуа бызшәеи, амилаҭтә кадрқәа рааӡареи аҿагылара анарҭоз аамҭа хьанҭақәа рзы, Хәыхәыт Салуман-иԥеи, уи ихаҭыԥуаҩ Ақыбеи Хонелиеи ирылшоз зегь ҟарҵеит, аԥсуа ҭҵаарадырра ахаҭарнак ҿарацәа, Асовет Еидгыла иреиӷьӡоу, иреиҳаӡоу аҵариурҭақәеи аспирантурақәеи рҭаҵаразы. Усҟан изыцхырааз аҿарацәа рыҟнытә аӡәырҩы иахьазы иналукааша аԥсуа аҭҵаарадырра усзуҩцәас иҟоуп. Раԥхьаӡатәи алитературатә критик Хәыхәыт Бӷажәба иусумҭақәа рҟынтә зегьы реиҳа ихаданы иԥхьаӡоуп – «Ҳаамҭазтәи аԥсуа бызшәа иаазыркьаҿу аочеркқәа». Иара убасгьы, аҵарауаҩ иҩхьан иналукааша аԥсуа литература аусзуҩцәа рыԥсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи ирызку амонографиақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Баграт Шьынқәба уҳәа убас егьырҭгьы. Абасала, Хәыхәыт Бӷажәба Аԥсны алитературатә критика ажанр ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡоуп. Асахьаркыратә литература мацара акәымкәан, Бӷажәба убасгьы иҭиҵаауан афольклор, абызшәадырреи алингвистикеи рыпроблемақәа. Хәыхәыт Бӷажәба хаҭала далахәын ифундаменталтәу аусумҭақәа раԥҵара. Адоктортә диссертациа Бӷажәба ихьчоит 1969 шықәсазы. Иусумҭа темас иаман: «Аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект афонетика - морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа». Ахатәы ԥсҭазаара Хәыхәыт Бӷажәба иԥшәмаԥҳәыс Татиана еицырдыруаз аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Андреи Ҷоҷуа иԥҳа лакәын. Лара занааҭла дботаникын, аҭҵаарадыррақәа ркандидатс дыҟан, Аботаникатә баҳчаҿы аус луан. Хәыхәыт Салуман-иԥеи Татиана Андреи-иԥҳаи дырхылҵит аԥа – Олег Бӷажәба. Олег ихәыҷрашықәсқәа реиҳарак иабду иҿоуп иахьихигаз, уаҟа драаӡон ианшьа иԥҳагьы – Жанна Ҷоҷуа. Аԥсны анҭыҵтәи аныҟәарақәа Хәыхәыт Бӷажәба ҵарауаҩык иаҳасабала, Аԥсни, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи дырдыруан, акыр (Қарҭ, Москва, Нальчик, Грозныи, Маиҟәаԥ) ақалақьқәа рҿы ицоз аҭҵаарадырратә конференциақәа, аконгрессқәа, асимпозиумқәа ихы рылаирхәуан аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рпроблемақәа ирызкны. Убас, Москва 1960 шықәсазы имҩаԥысыз Мрагыларадырра жәларбжьаратәи XXV аконгресс далахәын, уаҟа ажәахә ҟаиҵеит «Бзыбский диалект абхазского языка и его говоры» ҳәа. Абри ажәахә хазы шәҟәынгьы Москва 1960 шықәсазы иҭнажьит «Издательство восточной литературы». Хәыхәыт Бӷажәба бызшәадырҩык иаҳасабала Асовет Еидгыла анҭыҵгьы дырдыруан, еиҳаракгьы Кавказтәи ажәларқәа рҭоурыхи рбызшәеи ҭызҵаауаз аҵарауаа. Хәыхәыт Бӷажәба аҳәаанырцәтәи аҭҵаарадырратә жәларбжьаратәи асимпозиумқәеи аконгрессқәеи рнаҩсангьы, туристк иаҳасабала дныҟәахьан Европатәи атәылақәа жәпакы рҿгьы, иаагап 1974 шықәсазы уи дыҟан ГДР, 1977 шықәсазы Румыниа, Иугославиа, 1981 шықәсазы хаҭалатәи ааԥхьарала ҩаԥхьа дыҟан Румыниа, 1982 шықәсазы – Чехословакиа. Арҭ иныҟәарақәа рҿы ҵарауаҩык иаҳасаб ала, уи дрызҿлымҳан дызҭааз атәылақәа рҭоурых, ркультура, рлитература, рыԥсҭазаара уҳәа жәпакы, насгьы ҳаҭыр ду изақәны дрыхцәажәон арҭ атәылақәа ирықәынхо, Европа иашьагәыҭу ажәларқәа адунеитәи ацивилизациа зырҿио, изырԥшӡо ишырхаҭарнакцәоу, рынхашьа-рынҵышьа, акультураҿгьы ирҿуҵааша акыр шыҟоу. Хаҭалагьы ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа иидыруазгьы ыҟан. Хәыхәыт Бӷажәба иусумҭақәа 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи, ашколқәа рзы ахатәы бызшәеи алитературеи ирызку амонографиақәа жәаҩа дравторуп. Урҭ рызкуп аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори, Аԥсны аҩыратә баҟақәа рҭоурыхи, Аԥсны атопонимикеи аетнонимикеи рызҵаарақәа. «Аурыс-аԥсуа жәар» (Аҟәа, 1964) аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп, аҭакзыԥхықәу редакторсгьы даман. Хә. Бӷажәба аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩы рышәҟәқәа рҭыжьразы атекстологиатә усура ду мҩаԥигеит (Д. Гәлиа, С. Ҷанба, А. Ҷоҷуа, И. Коӷониа, В. Агрба, А. Аҳашба, Н. Џьанашьиа, А. Чыкәбар, Д. Маан, С. Бжьаниа, В. Маан, О. Демерџьиԥа уҳәа). Аурысшәахь еиҭеигеит, егьыҭижьит аизга «Аԥсуа лакәқәа» (Аҟәа, 1959), ашьҭахь уи акырынтә еиҭаҭыжьын. «Аурыс-аԥсуа жәар» (1964), авторцәа рколлектив напхгаҩыс даман, авторцәа дыруаӡәкын, аредактор хадасгьы даман, иара убас «Аԥсуа литература аҭоурых аочерк» (1967), «Аԥсуа бызшәа аграмматика. Афонетикеи аморфологиеи» (1958), «Аԥсуа алитература аҭоурых» (1986). Аԥсшәахь еиҭеигеит А. Н. Толстои, И. А. Крылов ражәеинраалақәа, М. И. Лермонтов иажәеинраала «Русалка», А. П. Чехов, А. Исаакиан ражәабжьқәа. Ахархәара змоу алитература РУСЛАН ҚАПБА. Хәыхәыт Бӷажәба. Аҟәа – «Алашара» – 2005 Азхьарԥшқәа http://apsnyteka.org/1295-bgazhba_kh_stati.html https://www.ekhokavkaza.com/a/26641207.html https://abaza.org/abk/khuykhuyt-bgazhba-zhlar-rfyrkhatsa-ipa-attsaaradyrra-auszuyuy http://spapsny.org/pisateli/bgazhba-xuxut-solomonovich http://apsnyteka.org/1433-kapba_r_khukhut_bgazhba_na_abkh_jazyke_2005.html Абхазские сказки. Книги онлайн. online-knigi.com https://abaza.tv/news/?ID=1103 http://apsnyteka.org/1295-bgazhba_kh_stati.html Акатегориа:1914 шықәсазы ииз Акатегориа:Абҵарамза 15 рзы ииз Акатегориа:2000 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 23 рзы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны алингвистцәа Акатегориа:Аԥсны алитератураҭҵааҩцәа Акатегориа:Аԥсны афольклористцәа Акатегориа:Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академикцәа Акатегориа:СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәа Акатегориа:Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреатцәа Акатегориа:Бӷажәаа
37333
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ꚇ̆
Ꚇ̆
'''Ꚇ̆''', '''ꚇ̆''' — [[кириллтәи аҩыратә]] нбан. {{charmap |A686|name1=Cyrillic Capital Letter CCHE WITH BREVE |A687|name2=Cyrillic Small Letter CCHE WITH BREVE |0306|name3=Combining BREVE }} {{Кириллица}}
Ꚇ̆, ꚇ̆ — кириллтәи аҩыратә нбан.
37324
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мрагыларатәи_Тимор
Мрагыларатәи Тимор
{{Акарточка Аҳәынҭқарра |абираҟ = {{#property:p41}} |абираҟ ирызку адаҟьа = Мрагыларатәи Тимор абираҟ |агерб = {{#property:p94}} |агерб ирызку адаҟьа = Мрагыларатәи Тимор агерб |агимн=East Timorese national anthem.wav |агимн ирызку адаҟьа = Мрагыларатәи Тимор агимн |амаҵураҭыԥ1=Апрезидент |амаҵурауаҩ1= |амаҵураҭыԥ2=Аԥыза-министр |амаҵурауаҩ2= |zoom1=6}} '''Мрагыларатәи Тимор''' ({{lang-pt|Timor-Leste}}), аофициалтә хьӡы: '''Мрагыларатәи Тимор Адемократиатә Республика'''<ref>{{Ашәҟәы |Ажәла = Чрыгба |Ахьӡ = Виачеслав Андреи-иԥа |Ахәҭа = |Астатиа ахьӡ = Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ргеографиатә хьыӡқәа ржәар |Аоригинал = |Азхьарԥш = |Аҭыжьра = |Аҭакзыԥхықәу = |Аҭыԥ = Москва |Аҭыжьырҭа = Митра |Ашықәс = 2022 |Атом = |Адаҟьақәа = 237 |Адаҟьақәа1 = 437 |isbn = 978-5-6047056-8-1}}</ref> ({{lang-pt|República Democrática de Timor-Leste}}, {{lang-tdt|Repúblika Demokrátika de Timór-Leste}}) — Аҩадамрагылара-[[азиа]]тәи [[адгьылбжьаха]]тә тәыла. Атәыла хәҭақәа иҟоуп: [[Тимор]] адгьылбжьахабжа амрагыларатәи хәҭа, [[Окуси-Амбено]] амуниципалитет аексклав, [[Атауро]]и [[Жаку]]и адгьылбжьаха маҷқәа. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Мрагыларатәи Тимор| ]] [[Акатегориа:Азиатәи атәылақәа]] [[Акатегориа:Ареспубликақәа]]
Мрагыларатәи Тимор (), аофициалтә хьӡы: Мрагыларатәи Тимор Адемократиатә Республика (, ) — Аҩадамрагылара-азиатәи адгьылбжьахатә тәыла. Атәыла хәҭақәа иҟоуп: Тимор адгьылбжьахабжа амрагыларатәи хәҭа, Окуси-Амбено амуниципалитет аексклав, Атаурои Жакуи адгьылбжьаха маҷқәа. Азгәаҭақәа Акатегориа:Азиатәи атәылақәа Акатегориа:Ареспубликақәа
37279
https://ab.wikipedia.org/wiki/Марр,_Николаи_Иаков-иԥа
Марр, Николаи Иаков-иԥа
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы |ахьӡ=Николаи Иаков-иԥа Марр}} '''''Николаи Иаков-иԥа Марр''''' ({{lang-ka|ნიკოლოზ იაკობის ძე მარი}}, {{lang-ru|Николай Яковлевич Марр}}; {{date|6|1|1865|25|12|1864}}, [[Қәҭешь]], [[Урыстәылатәи аимпериа]] – {{date|20|12|1934}}, [[Ленинград]]) — [[Урыстәыла]]тәии [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|асоветтәии]] мрагылараҭҵааҩ, кавказдырҩы, афилолог, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, археолог, [[Аимператортә ҵарадыррақәа ракадемиа]] академик ([[1912]] ш.), анаҩс [[СССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа]] ахада ихаҭыԥуаҩ. Ареволиуциа ашьҭахь даара деицырдыруа дҟалеит «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыки, мамзаргьы «аиафеттә теориа» аԥҵаҩык иаҳасаб ала. Ауааԥсыра дырдыруан, иара убасгьы, апоет-ақәышьқьырраҩ, мрагылараҭҵааҩы, [[Иури Марр]] иаб ҳәа. Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩ Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша ҵарауаҩ дуун. <ref>{{Cite web |url=http://apsnyteka.org/2159-marr_n_o_iyazyke_i_istorii_abkhazov_1938.html |title=Академик Н. Я. Марр |access-date=2024-02-02 |website=Аԥснытека}}</ref> ==Анысымҩа== [[Афаил:Nikolai Marr 1905.jpg|мини|left|Николаи Марр (1905 ш.)]] Николаи Иаков-иԥа Марр диит [[1864]] шықәса [[Ԥхынҷкәынмза 25]] рзы [[Қәҭешь]] ақалақь, [[ашотланд]] Иаков (Џьеикоб) Монтегиу-Марри [[Ақырҭцәа|ақырҭуа]] ҭыԥҳа Агафиа Магулариеи рҭаацәараҿы. Иаков акыраамҭа Қырҭтәыла дынхон, ачаиааӡара инапы алакын. Уа дахьыҟаз 60 шықәса рыла иеиҵбыз ақырҭуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дигоит: усҟан иара 80 шықәса ихыҵхьан, лара 20 шықәса дырҭагылан. Уимоу, Иакови Агафиеи рбызшәагьы еибакуамызт: иара [[Англыз бызшәа|англыз бызшәеи]] [[Афранцыз бызшәа|афранцыз бызшәеи]] иҳәон, [[Ақырҭуа бызшәа|ақырҭшәа]] издыруамызт, лара лакәзар – ақырҭшәа ада даҽа бызшәак лыздырамызт. Абас збызшәа еибамкуаз ани аби иаԥырҵаз аҭаацәараҿы диит заԥхьаҟа илингвистхараны иҟаз Николаи Иаков-иԥа Марр. Ан лԥа даара дихӡыӡаауан, бзиа дылбон, лыԥсы зегьы иҿҳәаран, агәра лгон зегьы дызларылукааша ак илоуп ҳәа. Марр ихатәы бызшәас ииԥхьаӡоз ақырҭшәа акәын, аха хылҵшьҭрала уеизгьы [[Британиаду|Британиа Ду]] датәын.<ref>{{Cite web |url=https://bioslovhist.spbu.ru/person/645-marr-nikolay-yakovlevich.html |title=Марр Николай Яковлевич |access-date=2024-02-02 |website=bioslovhist.spbu.ru |language=ru}}</ref> ==Абызшәақәа разҿлымҳара== Николаи Марр дшыхәыҷӡаз [[атәым бызшәақәа]] рҵараҿы абаҩхатәра дуӡӡа ааирԥшуан. Аҩбатәи акласс аҿы аҵара аниҵоз, иара илшеит [[аурыс бызшәа]] ҵаны, уи абызшәала раԥхьатәи ашәҟәы аԥхьара. Аҵара ахьиҵоз Қәҭешьтәи агимназиахь даара имаҷны дныҟәон, зны-зынла асеместрқәа бжьаижьуан, аха ус шакәызгьы, абызшәақәа рзы ахәшьара ҳаракӡақәа иманы, класск аҟынтә даҽа класск ахь диасуан. Абызшәақәа иара ихала иҵон. Еиҳаракгьы [[абырзен бызшәа]] даара игәаԥхон, дазҿлымҳан, игәцаракны иман. [[1884]] шықәсазы Николаи Марр хьтәы медалла агимназиа далгеит, анаҩс [[Петербургтәи ауниверситет]] мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет дҭалоит. Марр истуденттә шықәсқәа раан, аамҭак азы мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет иаҵанакуаз ԥшь-ҟәшак рахь дныҟәон. Иара илшоит афакультет аҿы иддырҵоз абызшәақәа зегьы рҵара, ргәынкылара. Иара убасҟан ауп ихаҿгьы ианааиз [[кавказтәи абызшәақәа]], хаҭалагьы ақырҭшәа, асемит бызшәақәа хылҵшьҭрала ирзааигәоуп ҳәа агәаанагара. Абри игәаанагара нас дышнеи-шнеиуаз иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадараз теорианы иҟалеит, аҿиара аиуит. Ауниверситет даналга аамышьҭахь, заԥхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Марр Петербургтәи ауниверситет аҟны ақырҭуа, [[Аерманы бызшәа|аерман бызшәақәа]] ркафедраҿы рҵаҩыс аусура далагоит. Аамҭак ашьҭахь, иара ари ауниверситет дапрофессорхоит, [[1911]] шықәсазы – Мрагыларатәи афакультет адеканс дҟалоит.<ref>{{Cite web |url=https://abaza.org/abk/nikolai-marr-ikhagou-abyzshat-teoria-avtor-apsuattsaayuy |title=Николаи Марр: «ихагоу» абызшәатә теориа автор, аԥсуаҭҵааҩы |date=2019-12-25 |access-date=2024-02-02 |website=abaza.org}}</ref> ==Иҿыцу абызшәадырра== Николаи Марр «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп, уи даҽакала «аиафет теориа» ҳәагьы иашьҭоуп – [[Абиблиа]] иалоу Нои ахԥатәи иԥа Иафет ихьӡ иахьырԥшны. 1923 шықәсазы Марр ицәыригаз итеориа инақәыршәаны, адунеи абызшәақәа зегьы «ԥшь-елементк» ирхылҿиааит. «Аиафет бызшәақәа» генетикатә акзаарак еиԥш акәымкәа, акласстә акзаарак еиԥш ирыхәаԥшуп. Абасала, Марр излаилшоз ала абызшәадырреи, усҟан аӷәӷәахара иаҿыз амарксизми еидиҳәалар иҭахын. Марр «аиафет бызшәақәа» ирхиԥхьаӡалон ақырҭшәа, агыршәа, ашәаныуа бызшәа, аҷан бызшәа, ашьҭахь даҽа акык-ҩбак иԥсхьоу абызшәақәагьы уахь иалаиҵо далагеит, урҭгьы асемит бызшәақәа ирзааигәоуп ҳәа ыршаҳаҭуа. Егьырҭ аҵарауаа-алингвистцәа Марр игипотезақәа акритика ӷәӷәа рзыруан, аҭҵаарадырра иаҿагылоит, «хыҭҳәаауп» ҳәа рҳәон. Николаи Марр иԥсихика уашәшәыроуп ҳәагьы гәҩарас дҟарҵо иалагеит, аха ус иҟаҵәҟьазу, иҟамзу аӡәгьы ишьақәимыргылеит. Аамҭак азы Марр итеориа ақәҿиареи азхаҵареи аманы иҟан, Асовет Еидгыла ахада [[Сталин|Иосиф Сталин]] адгылара аиҭеит аҟынтә. Уи Марр итезисқәа ахархәарагьы риҭеит [[1930]] шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз Аидгылазегьтәи акоммунистцәа рпартиа ажәафтәи реизара ду аҿы иқәгылара аан.<ref>{{Cite web |url=https://persona.rin.ru/ |title=Марр Николай Яковлевич |access-date=2024-02-02 |website=persona.rin.ru |language=ru}} Албаага: Поиск -> Маар</ref> ==Заатәи илингвистика== 1908 шықәсазы Николаи Марр ажәытәӡатәи аерман бызшәа аграмматика ҭижьит, 1910 шықәсазы – аусумҭа «[[Аҷан бызшәа]] ([[алаз бызшәа]]) аграмматика, ахрестоматиеи ажәари рыцны», уи ааҵарауаа даара ахә ҳаракны иршьеит. Николаи Марр инаукатә усура алагамҭазы, 1880 - тәи ашықәсқәа рзы, Кавказтәи абызшәақәа ргенетикатә еимадарақәа рызҵаарақәа дрызҿлымҳахеит, акыр агипотезақәа ықәиргылеит асемиттәи абаски бызшәақәа реизыҟазаара (уи азын анҵамҭа ҟаҵан 1908 шықәсазы) аганахьала. Николаи Марр игипотезақәа реиқәымшәара, усҟантәи аамҭазтәи адыррақәа рыла, аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра, убас еиԥш агәаанагарахь днанагеит, ас еиԥш аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра ҟалашьа амам ҳәа, арҭ аидеиақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит ареволиуциа ашьҭахь. Усҟан аҭыԥ змаз алингвисттә хырхарҭа младограмматизм акритика азуа, Марр иазгәеиҭеит абызшәатә фактқәа рыҭҵаара аҟны атипологиатәи асоциолингвисттәи знеишьа даара ишхадоу. <ref>{{Cite web |url=http://nlr.ru/nlr_history/persons/info.php?id=109 |title=Сотрудники РНБ — деятели науки и культуры; Биографический словарь, т. 1-4 (электронная версия) – Марр Николай Яковлевич |access-date=2024-02-02 |website=[[Урыстәылатәи амилаҭтә библиотека]] |language=ru}}</ref> ==Аԥсуа бызшәа аҭҵаарақәа== Ишдыру еиԥш, Марр аԥсуа бызшәагьы инарҭбааны иҭиҵаауан. [[Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа]] аԥҵара Академик Марр иахьибзоуроу даара ирацәоуп. [[1912]] шықәса, аԥхынразы, [[Шәантәыла]] имҩаԥысыз археологиатә експедициа ашьҭахь, иара Аԥсны даҭааит. [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Дырмит Гәлиеи]], [[Никәа Џьанашьиа|Никәа Џьанашьиеи]], [[Николаи Патеиԥа|Николаи Патеиԥеи]], [[Пиотр Ҷараиа|Пиотр Ҷараиеи]] егьырҭ аҭыԥантәи аҵарауааи дрыцны акыраамҭа ара ихигеит. Еиҳаракгьы, Кәыдрытәи ауезд иатәыз [[Џьгьарда]] ақыҭан, Ашәы Ҳабыџь иҭаацәараҿы. Абраҟа, раԥхьаӡа акәны, аԥсшәа илымҳа иҭасит, иара ихаҭа ишиҳәаз алагьы, «аԥсуа бызшәа џьгьардатәи ацәажәашьа, еиликаауа аҟынӡагьы днеит». Аԥснытәи ССР ахада Нестор Лакоба иахь ииҩыз асалам шәҟәаҿы Марр иазгәеиҭоит, Ареспубликаҿы хымԥада ишаԥҵатәу аҭҵаарадырратә лингвистикатә еилазаара. «Аҭҵааҩцәа реилазаара рӷәӷәатәуп, еиҳаракгьы ауаҩи, абызшәеи, аепоси, афольклори, ажәлар рҳәамҭақәеи, рашәақәеи, рлакәқәеи, рҵас-қьабзқәеи уҳәа ирызку аҭҵаарақәа мҩаԥызго рыбжьара, аматериалтә культура абаҟақәа рыҭҵаара знапы алаку инараҟараны. Зынӡа ибзиахон (аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара АБНИ аԥҵан 1920 шықәсазы) аԥсуаҭҵааратә секциа иаарласны хыбрак азыԥшаазҭгьы, убраҟа абызшәадырратә, аетнографиатә, археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы алабораториа еиҿкаазар», – ҳәа иҩуан Николаи Марр Нестор Лакоба иахь.<ref>{{Cite web |url=https://dic.academic.ru/dic.nsf/ruwiki/39606 |title=Марр, Николай Яковлевич |access-date=2024-02-02 |website=Академик}}</ref> [[1925]] шықәса [[жьҭаарамза 11]] рзы иаартын Абызшәеи алитературеи ракадемиа. Николаи Марр ари академиа аҳаҭыр хьӡы змоу ахантәаҩыс дҟалеит, аха убри аан, уи ахантәаҩыс дыҟан, иара убасгьы, Андреи Ҷоҷуа, уа аус руан еицырдыруаз аԥсуаа Дырмит Гәлиеи [[Константин Ковач]]и. 1912 шықәсазы аԥсуа бызшәа аҵара иалагаз Марр иусумҭақәа жәпакы аԥсуаҭҵаара иазикит: «Аԥсуаҭҵаареи аԥсуааи», «Ҩ-елементк рыла ишьақәгылоу аԥсуа ажәақәа рҟынтә», «Кавказҭҵаареи аԥсуа бызшәеи», «Амыругатәи аханатәтәи ападежқәа аԥсшәеи аҟабарда бызшәақәеи рҿы», «Адунеи амҽхак аҭаны абызшәадырра азҵаара ақәыргылареи аԥсуа бызшәеи», «Аҟәеи Тҟәаԥси». [[1926]] шықәсазы Марр иҭижьуеит «Аурыс-аԥсуа жәар», иара убас еиқәиршәеит алатын шьаҭа змаз аԥсуа аналитикатә алфавит, 77 нбан рыла ишьақәгылаз. Ари алфавит аамҭақәак рзы ахархәара аман, еицырдыруа арккаҩы, [[Аԥсуа алитература|аԥсуа литература]] ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дназлаз аԥсуа ҵарауаа гәыԥҩык уи маншәалам ҳәа ахырҳәаанӡа. Абри ицәырҵлоз егьырҭ аивгарақәеи рымшала Гәлиеи Марри реизыҟазаашьақәа аибарххара рыбжьалеит.<ref>{{Cite web |url=https://biblioclub.ru/index.php?page=author_red&id=27359 |title=Марр Николай Яковлевич |access-date=2024-02-02 |website=biblioclub.ru |language=ru |archive-date=2023-11-03 |archive-url=https://web.archive.org/web/20231103153319/https://biblioclub.ru/index.php?page=author_red&id=27359 |url-status=dead }}</ref> ==Аҳаҭырқәҵара аҳаракыраҿы== [[1920-1929|1920-тәии]] [[1930-1939|1930-тәии ашықәсқәа]] рзы Николаи Иаков-иԥа Марр аителлигенциа ахаҭарнакцәа рыбжьара даара ҳаҭыр ду зқәыз уаҩын (иара убасгьы профессионалла алингвистика знапы алакыз рыбжьарагьы). Урҭ зегьы идиԥхьалон мҽхакыла иҭбааз игәаанагарақәа рыла, иқәиргылоз азҵаара ҿыцқәа, зегьы ирылубаауаз ихаҭара уҳәа рыла (марризм анырра даара иӷәӷәан Ленинград, иара дахьынхоз, егьырҭ аҵарадырратә центрқәа рҟны аасҭа). Николаи Марр даара анырра ӷәӷәа риҭеит аӡәырҩы [[аетногенез]], [[амифологиа]], [[акультурологиа]], [[алитератураҭҵаара]] апроблемақәа знапы алакыз, урҭ рыбжьара иара анырра ӷәӷәа лиҭеит О.М. Фреиденберг, лара лырҵаҩ иахь ус уҳәар ауазар, адинхаҵаратә цәаныррақәа лыман (анаҩс амарризм алингвистикаҿы ахыбгалара иахҟьаны, лара усурада даанхоит). Еинштеини, Марри, Выготскии планс ирыман аҟазаратә ҵарадырратә лабораториа адкылара амеханизм, ижәытәӡатәиу «апрологиатә хдырреи» уи акинои амассақәеи ирнаҭо анырреи амыругақәа рыҭҵааразы. Николаи Марр Петроград еиҿикаауеит [[Ифеттәи аинститут]] (1921), анаҩс уи Николаи Иаков-иԥа Марр ихьӡ зху абызшәеи ахәыцреи иринститутхеит (иахьазы Петербург иҟоу [[Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа]] (РАН) алингвисттә ҭҵаарақәа Ринститут, насгьы [[Москва]] иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) абызшәадырра Аинститут), 1926–1930-тәи ашықәсқәа рзы Марр аамҭаказы Ленинградтәи ашәҟәыԥхьарҭа адиректорсгьы дыҟан. [[Хәажәкырамза 3]], [[1930]] шықәсазы [[СССР ҭҵаарадыррақәа ракадемиа]] ахада ихаҭыԥуаҩс далхын, уи инаркны академиа агәырӷьаратә еилатәарақәа акыр рҟны хантәаҩра иуан. [[1929]] шықәса инаркны [[1934]]-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла еиҿкааз [[Палестинатәи Аилазаара]] ахантәаҩыс дыҟан. Ари аамҭа иаҵанакуа марристаа ркьыԥхьымҭақәа рҟны иара ихьӡ еснагь ажәақәа «идуӡӡаз», «ирылукаауаз» ацын, иара иоуеит акыр ҳаҭыр зқәу ахьӡ ҳаракқәа, «ҳаҭыр зқәу афлот ҟаԥшь» аҳаҭыртә хьӡы инаҷыданы. Иазгәаҭан, Марр ироль СССР амилаҭ маҷқәа рзы аҩыра аус инапы ахьалакыз (иуниверсалтәыз иара «ианалитикатә алфавит», уи аус адулан [[ареволиуциа]] ҟалаанӡа, ахархәарахьгьы иалагалан 1923 шықәсазы аԥсуа бызшәазы, аха аамҭак анаҩс иаԥыхын иахьыманшәаламыз азы), аха иҳәатәуп аҩыра аԥҵаразы аусқәа зегьы Марри уи иааигәа иҟази аламырхәӡакәаны ишымҩаԥысуаз. Николаи Марр инаукатә усура 45 шықәса ахыҵра аан, раԥхьа иара [[Ленин иорден]] ианашьан (жьҭаарамза 17, [[1933]] шықәса), анаҩс иара ихҵан [[РСФСР]] зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы ([[ԥхынҷкәынмза 7]], 1933 шықәса). Аха ари аиубилеи Марр ихаҭа далахәымызт, жьҭаарамза 1933 шықәсазы Николаи агәыхь ихигеит, уи ашьҭахь шықәсызаҵәык акәын иԥсы ахьҭаз, иусурахьгьы дзымгьежьит. Николаи Марр иԥсреи иԥсыжреи инарымаданы Ленинградтәи ашколқәа рҟны аҵара аанкылан, алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа даара инарҭбааны еиҿкаан. Марр иԥсра адырҩаҽны иаарласны еизганы иҭыжьын игәалашәара иазкыз аброшиура. Николаи Марр анышә дамардеит Акоммунистцәа рдәаҿы (иахьа Аказакцәа рыԥсыжырҭа), Александр Невтәи Алавр аҟны. Марр иԥсра ашьҭахь, иара иҵаҩцәа (зегь раԥхьа иргыланы И. И. Мешьанинов), инаукатәымыз «аҵара ҿыц» наҟ иааныжьны, итрадициатәу аҵарадырра амҩала, Марр иқәиргылоз акыр азҵаарақәа рыӡбон (атипологиа, асинтаксис аҭҵаара, абызшәа апроблема уҳәа реиԥш иҟаз).<ref>{{Cite web |url=https://w.histrf.ru/articles/article/show/marr_nikolai_iakovlievich |title=МАРР НИКОЛА́Й Я́КОВЛЕВИЧ |access-date=2023-11-03 |website=histrf.ru |language=ru |archive-date=2018-06-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20180615023113/http://w.histrf.ru/articles/article/show/marr_nikolai_iakovlievich |url-status=dead }}</ref> ==Аҭынха== Марр идунеихәаԥшра акыр акритика азыруан ақырҭуа еиҳабыра (А. Мгелаӡе). Марр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, жәохә шықәса ааҵхьаны еиԥш, [[рашәарамза 20]], [[1950]] шықәсазы иара иҵара аофициалтә критика азун абызшәадырра аҟны «аидеализм» азы. Иара иусумҭақәа адгылара рызҭоз И. В. Сталин ишьақәирӷәӷәон Н. Иа. Марр акыр иҽшазишәоз амарксистхара, аха амарксистра шилымшаз. 1956 шықәса анаҩс, Марр лингвистк иаҳасаб ала илшамҭақәа еиҭах рылацәажәара иалагеит, иазгәаҭан иара шиакәу изылшаз СССР акыр адисциплинақәа рыҿиара (атипологиа, асемантика), еиҭаҭыжьын кавказдырреи абаск бызшәеи ирызкыз иусумҭақәа, аха иааизакны Марр иусура алигвинстика аныԥшшьа ҽеимызт ҳәа иԥхьаӡан (даҽакала иуҳәозар, СССР уи адгылара амоуит). Николаи Марр ихьӡ адҳәалоуп аурыс бызшәа алинвистика аҟны Марр ихыцқәа (‘’) ҳәа изышьҭаз, уи ала иазгәарҭоит ажәа аҵакы (ҿырԥштәыс иаагозар «афранцыз ажәа cheval ‘лошадь’»).<ref>{{Cite web |url=http://ranar.spb.ru/rus/vystavki/id/837/ |title=Н.Я. Марр крупным планом: портреты разных лет |access-date=2023-11-03 |website=ranar.spb.ru |language=ru |archive-date=2023-03-22 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230322190227/http://ranar.spb.ru/rus/vystavki/id/837/ |url-status=dead }}</ref> ==Агәалашәара== [[Афаил:Nikolay Marr grave.jpg|мини|[[Санкт-Петербург]] ақалақь аҿы Николаи Марр идамра]] Аимператортә ҭҵаарадырратә академиа алахәыла, Аматериалтә культура аҭоурых аҳәынҭқарратә академиа адиректор, Петроград ақалақь аҟны Аиафет институт аԥҵаҩы (1921 ш.), Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ – абри зегьы Николаи Марр изкуп. Иара иԥсҭазаара аӷьырак Петербург ихигеит, идунеи иԥсахит [[1934]] шықәса, [[ԥхынҷкәынмза 20]] рзы. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руак Николаи Марр ихьӡ ахҵоуп. Араҟа ибзианы иргәалашәоит, ҳаҭыр дулагьы иршьоит иара аԥсуа бызшәа гәцаракрыла дахьазнеиуаз, адунеи аҿы ижәытәӡатәу абызшәақәа инарываргыланы дахьахәаԥшуаз. Николаи Марр иара иаамҭазы зегь реиҳа хьӡи-ԥшеи змаз мрагылараҭҵааҩцәа дыруаӡәкын. Иара еиҟараны дрызҿлымҳан ажәытә ақырҭуа ҭоурыхтә материалқәа реиԥш, ажәытә аерман материалқәагьы, аҳәаанырцәҟа маҵураныҟәарала данцоз аҭҵааратә аартрақәа ҟаиҵон, иаҳҳәап, [[Синаи]], [[Мсыр|Египет]] даныҟаз, мамзар [[Ермантәыла]] ажәытә аҳҭнықалақь Ани аҟны, [[Иерусалим]] уҳәа. Кавказҭҵаара иазку иусумҭақәа даара рыхә ҳаракны иршьоит, урҭ рахьтә акыр аусумҭақәа классикатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, абызшәадырреи алингвистикеи рганахьала иусумҭақәа ус рзузымҳәозаргьы.<ref>{{Cite web |url=https://cyberleninka.ru/article/n/deyatelnost-n-ya-marra-na-postu-predsedatelya-gosudarstvennoy-akademii-istorii-materialnoy-kultury-1919-1920-1922-1934-gg/viewer |title=Деятельность Н. Я. Марра на посту председателя государственной академии истории материальной культуры |access-date=2024-02-02 |website=cyberleninka.ru |language=ru}}</ref> ==Ахархәара змоу алитература== * [[Аҩӡба, Уасил Шамон-иԥа|Аҩӡба У. Ш.]]. ''Аԥсуа биографиатә жәар (Абхазский биографический словарь)''. Москва, 2015. ад. 185. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1865 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 6 рзы ииз]] [[Акатегориа:1934 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 20 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи алингвистцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи аетнографцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи археологцәа]] [[Акатегориа:Апалеолингвистцәа]] [[Акатегориа:Ақарҭвел бызшәақәа рылингвистцәа]] [[Акатегориа:Аерманҭҵааҩцәа]] [[Акатегориа:Асовет ҵарауаа]] [[Акатегориа:КПСС алахәылацәа]] [[Акатегориа:Марраа]]
Николаи Иаков-иԥа Марр (, ; , Қәҭешь, Урыстәылатәи аимпериа – , Ленинград) — Урыстәылатәии асоветтәии мрагылараҭҵааҩ, кавказдырҩы, афилолог, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, археолог, Аимператортә ҵарадыррақәа ракадемиа академик (1912 ш.), анаҩс СССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ. Ареволиуциа ашьҭахь даара деицырдыруа дҟалеит «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыки, мамзаргьы «аиафеттә теориа» аԥҵаҩык иаҳасаб ала. Ауааԥсыра дырдыруан, иара убасгьы, апоет-ақәышьқьырраҩ, мрагылараҭҵааҩы, Иури Марр иаб ҳәа. Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩ Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша ҵарауаҩ дуун. Анысымҩа мини|left|Николаи Марр (1905 ш.) Николаи Иаков-иԥа Марр диит 1864 шықәса Ԥхынҷкәынмза 25 рзы Қәҭешь ақалақь, ашотланд Иаков (Џьеикоб) Монтегиу-Марри ақырҭуа ҭыԥҳа Агафиа Магулариеи рҭаацәараҿы. Иаков акыраамҭа Қырҭтәыла дынхон, ачаиааӡара инапы алакын. Уа дахьыҟаз 60 шықәса рыла иеиҵбыз ақырҭуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дигоит: усҟан иара 80 шықәса ихыҵхьан, лара 20 шықәса дырҭагылан. Уимоу, Иакови Агафиеи рбызшәагьы еибакуамызт: иара англыз бызшәеи афранцыз бызшәеи иҳәон, ақырҭшәа издыруамызт, лара лакәзар – ақырҭшәа ада даҽа бызшәак лыздырамызт. Абас збызшәа еибамкуаз ани аби иаԥырҵаз аҭаацәараҿы диит заԥхьаҟа илингвистхараны иҟаз Николаи Иаков-иԥа Марр. Ан лԥа даара дихӡыӡаауан, бзиа дылбон, лыԥсы зегьы иҿҳәаран, агәра лгон зегьы дызларылукааша ак илоуп ҳәа. Марр ихатәы бызшәас ииԥхьаӡоз ақырҭшәа акәын, аха хылҵшьҭрала уеизгьы Британиа Ду датәын. Абызшәақәа разҿлымҳара Николаи Марр дшыхәыҷӡаз атәым бызшәақәа рҵараҿы абаҩхатәра дуӡӡа ааирԥшуан. Аҩбатәи акласс аҿы аҵара аниҵоз, иара илшеит аурыс бызшәа ҵаны, уи абызшәала раԥхьатәи ашәҟәы аԥхьара. Аҵара ахьиҵоз Қәҭешьтәи агимназиахь даара имаҷны дныҟәон, зны-зынла асеместрқәа бжьаижьуан, аха ус шакәызгьы, абызшәақәа рзы ахәшьара ҳаракӡақәа иманы, класск аҟынтә даҽа класск ахь диасуан. Абызшәақәа иара ихала иҵон. Еиҳаракгьы абырзен бызшәа даара игәаԥхон, дазҿлымҳан, игәцаракны иман. 1884 шықәсазы Николаи Марр хьтәы медалла агимназиа далгеит, анаҩс Петербургтәи ауниверситет мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет дҭалоит. Марр истуденттә шықәсқәа раан, аамҭак азы мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет иаҵанакуаз ԥшь-ҟәшак рахь дныҟәон. Иара илшоит афакультет аҿы иддырҵоз абызшәақәа зегьы рҵара, ргәынкылара. Иара убасҟан ауп ихаҿгьы ианааиз кавказтәи абызшәақәа, хаҭалагьы ақырҭшәа, асемит бызшәақәа хылҵшьҭрала ирзааигәоуп ҳәа агәаанагара. Абри игәаанагара нас дышнеи-шнеиуаз иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадараз теорианы иҟалеит, аҿиара аиуит. Ауниверситет даналга аамышьҭахь, заԥхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Марр Петербургтәи ауниверситет аҟны ақырҭуа, аерман бызшәақәа ркафедраҿы рҵаҩыс аусура далагоит. Аамҭак ашьҭахь, иара ари ауниверситет дапрофессорхоит, 1911 шықәсазы – Мрагыларатәи афакультет адеканс дҟалоит. Иҿыцу абызшәадырра Николаи Марр «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп, уи даҽакала «аиафет теориа» ҳәагьы иашьҭоуп – Абиблиа иалоу Нои ахԥатәи иԥа Иафет ихьӡ иахьырԥшны. 1923 шықәсазы Марр ицәыригаз итеориа инақәыршәаны, адунеи абызшәақәа зегьы «ԥшь-елементк» ирхылҿиааит. «Аиафет бызшәақәа» генетикатә акзаарак еиԥш акәымкәа, акласстә акзаарак еиԥш ирыхәаԥшуп. Абасала, Марр излаилшоз ала абызшәадырреи, усҟан аӷәӷәахара иаҿыз амарксизми еидиҳәалар иҭахын. Марр «аиафет бызшәақәа» ирхиԥхьаӡалон ақырҭшәа, агыршәа, ашәаныуа бызшәа, аҷан бызшәа, ашьҭахь даҽа акык-ҩбак иԥсхьоу абызшәақәагьы уахь иалаиҵо далагеит, урҭгьы асемит бызшәақәа ирзааигәоуп ҳәа ыршаҳаҭуа. Егьырҭ аҵарауаа-алингвистцәа Марр игипотезақәа акритика ӷәӷәа рзыруан, аҭҵаарадырра иаҿагылоит, «хыҭҳәаауп» ҳәа рҳәон. Николаи Марр иԥсихика уашәшәыроуп ҳәагьы гәҩарас дҟарҵо иалагеит, аха ус иҟаҵәҟьазу, иҟамзу аӡәгьы ишьақәимыргылеит. Аамҭак азы Марр итеориа ақәҿиареи азхаҵареи аманы иҟан, Асовет Еидгыла ахада Иосиф Сталин адгылара аиҭеит аҟынтә. Уи Марр итезисқәа ахархәарагьы риҭеит 1930 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз Аидгылазегьтәи акоммунистцәа рпартиа ажәафтәи реизара ду аҿы иқәгылара аан. Албаага: Поиск -> Маар Заатәи илингвистика 1908 шықәсазы Николаи Марр ажәытәӡатәи аерман бызшәа аграмматика ҭижьит, 1910 шықәсазы – аусумҭа «Аҷан бызшәа (алаз бызшәа) аграмматика, ахрестоматиеи ажәари рыцны», уи ааҵарауаа даара ахә ҳаракны иршьеит. Николаи Марр инаукатә усура алагамҭазы, 1880 - тәи ашықәсқәа рзы, Кавказтәи абызшәақәа ргенетикатә еимадарақәа рызҵаарақәа дрызҿлымҳахеит, акыр агипотезақәа ықәиргылеит асемиттәи абаски бызшәақәа реизыҟазаара (уи азын анҵамҭа ҟаҵан 1908 шықәсазы) аганахьала. Николаи Марр игипотезақәа реиқәымшәара, усҟантәи аамҭазтәи адыррақәа рыла, аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра, убас еиԥш агәаанагарахь днанагеит, ас еиԥш аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра ҟалашьа амам ҳәа, арҭ аидеиақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит ареволиуциа ашьҭахь. Усҟан аҭыԥ змаз алингвисттә хырхарҭа младограмматизм акритика азуа, Марр иазгәеиҭеит абызшәатә фактқәа рыҭҵаара аҟны атипологиатәи асоциолингвисттәи знеишьа даара ишхадоу. Аԥсуа бызшәа аҭҵаарақәа Ишдыру еиԥш, Марр аԥсуа бызшәагьы инарҭбааны иҭиҵаауан. Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа аԥҵара Академик Марр иахьибзоуроу даара ирацәоуп. 1912 шықәса, аԥхынразы, Шәантәыла имҩаԥысыз археологиатә експедициа ашьҭахь, иара Аԥсны даҭааит. Дырмит Гәлиеи, Никәа Џьанашьиеи, Николаи Патеиԥеи, Пиотр Ҷараиеи егьырҭ аҭыԥантәи аҵарауааи дрыцны акыраамҭа ара ихигеит. Еиҳаракгьы, Кәыдрытәи ауезд иатәыз Џьгьарда ақыҭан, Ашәы Ҳабыџь иҭаацәараҿы. Абраҟа, раԥхьаӡа акәны, аԥсшәа илымҳа иҭасит, иара ихаҭа ишиҳәаз алагьы, «аԥсуа бызшәа џьгьардатәи ацәажәашьа, еиликаауа аҟынӡагьы днеит». Аԥснытәи ССР ахада Нестор Лакоба иахь ииҩыз асалам шәҟәаҿы Марр иазгәеиҭоит, Ареспубликаҿы хымԥада ишаԥҵатәу аҭҵаарадырратә лингвистикатә еилазаара. «Аҭҵааҩцәа реилазаара рӷәӷәатәуп, еиҳаракгьы ауаҩи, абызшәеи, аепоси, афольклори, ажәлар рҳәамҭақәеи, рашәақәеи, рлакәқәеи, рҵас-қьабзқәеи уҳәа ирызку аҭҵаарақәа мҩаԥызго рыбжьара, аматериалтә культура абаҟақәа рыҭҵаара знапы алаку инараҟараны. Зынӡа ибзиахон (аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара АБНИ аԥҵан 1920 шықәсазы) аԥсуаҭҵааратә секциа иаарласны хыбрак азыԥшаазҭгьы, убраҟа абызшәадырратә, аетнографиатә, археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы алабораториа еиҿкаазар», – ҳәа иҩуан Николаи Марр Нестор Лакоба иахь. 1925 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаартын Абызшәеи алитературеи ракадемиа. Николаи Марр ари академиа аҳаҭыр хьӡы змоу ахантәаҩыс дҟалеит, аха убри аан, уи ахантәаҩыс дыҟан, иара убасгьы, Андреи Ҷоҷуа, уа аус руан еицырдыруаз аԥсуаа Дырмит Гәлиеи Константин Ковачи. 1912 шықәсазы аԥсуа бызшәа аҵара иалагаз Марр иусумҭақәа жәпакы аԥсуаҭҵаара иазикит: «Аԥсуаҭҵаареи аԥсуааи», «Ҩ-елементк рыла ишьақәгылоу аԥсуа ажәақәа рҟынтә», «Кавказҭҵаареи аԥсуа бызшәеи», «Амыругатәи аханатәтәи ападежқәа аԥсшәеи аҟабарда бызшәақәеи рҿы», «Адунеи амҽхак аҭаны абызшәадырра азҵаара ақәыргылареи аԥсуа бызшәеи», «Аҟәеи Тҟәаԥси». 1926 шықәсазы Марр иҭижьуеит «Аурыс-аԥсуа жәар», иара убас еиқәиршәеит алатын шьаҭа змаз аԥсуа аналитикатә алфавит, 77 нбан рыла ишьақәгылаз. Ари алфавит аамҭақәак рзы ахархәара аман, еицырдыруа арккаҩы, аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дназлаз аԥсуа ҵарауаа гәыԥҩык уи маншәалам ҳәа ахырҳәаанӡа. Абри ицәырҵлоз егьырҭ аивгарақәеи рымшала Гәлиеи Марри реизыҟазаашьақәа аибарххара рыбжьалеит. Аҳаҭырқәҵара аҳаракыраҿы 1920-тәии 1930-тәии ашықәсқәа рзы Николаи Иаков-иԥа Марр аителлигенциа ахаҭарнакцәа рыбжьара даара ҳаҭыр ду зқәыз уаҩын (иара убасгьы профессионалла алингвистика знапы алакыз рыбжьарагьы). Урҭ зегьы идиԥхьалон мҽхакыла иҭбааз игәаанагарақәа рыла, иқәиргылоз азҵаара ҿыцқәа, зегьы ирылубаауаз ихаҭара уҳәа рыла (марризм анырра даара иӷәӷәан Ленинград, иара дахьынхоз, егьырҭ аҵарадырратә центрқәа рҟны аасҭа). Николаи Марр даара анырра ӷәӷәа риҭеит аӡәырҩы аетногенез, амифологиа, акультурологиа, алитератураҭҵаара апроблемақәа знапы алакыз, урҭ рыбжьара иара анырра ӷәӷәа лиҭеит О.М. Фреиденберг, лара лырҵаҩ иахь ус уҳәар ауазар, адинхаҵаратә цәаныррақәа лыман (анаҩс амарризм алингвистикаҿы ахыбгалара иахҟьаны, лара усурада даанхоит). Еинштеини, Марри, Выготскии планс ирыман аҟазаратә ҵарадырратә лабораториа адкылара амеханизм, ижәытәӡатәиу «апрологиатә хдырреи» уи акинои амассақәеи ирнаҭо анырреи амыругақәа рыҭҵааразы. Николаи Марр Петроград еиҿикаауеит Ифеттәи аинститут (1921), анаҩс уи Николаи Иаков-иԥа Марр ихьӡ зху абызшәеи ахәыцреи иринститутхеит (иахьазы Петербург иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) алингвисттә ҭҵаарақәа Ринститут, насгьы Москва иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) абызшәадырра Аинститут), 1926–1930-тәи ашықәсқәа рзы Марр аамҭаказы Ленинградтәи ашәҟәыԥхьарҭа адиректорсгьы дыҟан. Хәажәкырамза 3, 1930 шықәсазы СССР ҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩс далхын, уи инаркны академиа агәырӷьаратә еилатәарақәа акыр рҟны хантәаҩра иуан. 1929 шықәса инаркны 1934-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла еиҿкааз Палестинатәи Аилазаара ахантәаҩыс дыҟан. Ари аамҭа иаҵанакуа марристаа ркьыԥхьымҭақәа рҟны иара ихьӡ еснагь ажәақәа «идуӡӡаз», «ирылукаауаз» ацын, иара иоуеит акыр ҳаҭыр зқәу ахьӡ ҳаракқәа, «ҳаҭыр зқәу афлот ҟаԥшь» аҳаҭыртә хьӡы инаҷыданы. Иазгәаҭан, Марр ироль СССР амилаҭ маҷқәа рзы аҩыра аус инапы ахьалакыз (иуниверсалтәыз иара «ианалитикатә алфавит», уи аус адулан ареволиуциа ҟалаанӡа, ахархәарахьгьы иалагалан 1923 шықәсазы аԥсуа бызшәазы, аха аамҭак анаҩс иаԥыхын иахьыманшәаламыз азы), аха иҳәатәуп аҩыра аԥҵаразы аусқәа зегьы Марри уи иааигәа иҟази аламырхәӡакәаны ишымҩаԥысуаз. Николаи Марр инаукатә усура 45 шықәса ахыҵра аан, раԥхьа иара Ленин иорден ианашьан (жьҭаарамза 17, 1933 шықәса), анаҩс иара ихҵан РСФСР зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы (ԥхынҷкәынмза 7, 1933 шықәса). Аха ари аиубилеи Марр ихаҭа далахәымызт, жьҭаарамза 1933 шықәсазы Николаи агәыхь ихигеит, уи ашьҭахь шықәсызаҵәык акәын иԥсы ахьҭаз, иусурахьгьы дзымгьежьит. Николаи Марр иԥсреи иԥсыжреи инарымаданы Ленинградтәи ашколқәа рҟны аҵара аанкылан, алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа даара инарҭбааны еиҿкаан. Марр иԥсра адырҩаҽны иаарласны еизганы иҭыжьын игәалашәара иазкыз аброшиура. Николаи Марр анышә дамардеит Акоммунистцәа рдәаҿы (иахьа Аказакцәа рыԥсыжырҭа), Александр Невтәи Алавр аҟны. Марр иԥсра ашьҭахь, иара иҵаҩцәа (зегь раԥхьа иргыланы И. И. Мешьанинов), инаукатәымыз «аҵара ҿыц» наҟ иааныжьны, итрадициатәу аҵарадырра амҩала, Марр иқәиргылоз акыр азҵаарақәа рыӡбон (атипологиа, асинтаксис аҭҵаара, абызшәа апроблема уҳәа реиԥш иҟаз). Аҭынха Марр идунеихәаԥшра акыр акритика азыруан ақырҭуа еиҳабыра (А. Мгелаӡе). Марр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, жәохә шықәса ааҵхьаны еиԥш, рашәарамза 20, 1950 шықәсазы иара иҵара аофициалтә критика азун абызшәадырра аҟны «аидеализм» азы. Иара иусумҭақәа адгылара рызҭоз И. В. Сталин ишьақәирӷәӷәон Н. Иа. Марр акыр иҽшазишәоз амарксистхара, аха амарксистра шилымшаз. 1956 шықәса анаҩс, Марр лингвистк иаҳасаб ала илшамҭақәа еиҭах рылацәажәара иалагеит, иазгәаҭан иара шиакәу изылшаз СССР акыр адисциплинақәа рыҿиара (атипологиа, асемантика), еиҭаҭыжьын кавказдырреи абаск бызшәеи ирызкыз иусумҭақәа, аха иааизакны Марр иусура алигвинстика аныԥшшьа ҽеимызт ҳәа иԥхьаӡан (даҽакала иуҳәозар, СССР уи адгылара амоуит). Николаи Марр ихьӡ адҳәалоуп аурыс бызшәа алинвистика аҟны Марр ихыцқәа (‘’) ҳәа изышьҭаз, уи ала иазгәарҭоит ажәа аҵакы (ҿырԥштәыс иаагозар «афранцыз ажәа cheval ‘лошадь’»). Агәалашәара мини|Санкт-Петербург ақалақь аҿы Николаи Марр идамра Аимператортә ҭҵаарадырратә академиа алахәыла, Аматериалтә культура аҭоурых аҳәынҭқарратә академиа адиректор, Петроград ақалақь аҟны Аиафет институт аԥҵаҩы (1921 ш.), Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ – абри зегьы Николаи Марр изкуп. Иара иԥсҭазаара аӷьырак Петербург ихигеит, идунеи иԥсахит 1934 шықәса, ԥхынҷкәынмза 20 рзы. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руак Николаи Марр ихьӡ ахҵоуп. Араҟа ибзианы иргәалашәоит, ҳаҭыр дулагьы иршьоит иара аԥсуа бызшәа гәцаракрыла дахьазнеиуаз, адунеи аҿы ижәытәӡатәу абызшәақәа инарываргыланы дахьахәаԥшуаз. Николаи Марр иара иаамҭазы зегь реиҳа хьӡи-ԥшеи змаз мрагылараҭҵааҩцәа дыруаӡәкын. Иара еиҟараны дрызҿлымҳан ажәытә ақырҭуа ҭоурыхтә материалқәа реиԥш, ажәытә аерман материалқәагьы, аҳәаанырцәҟа маҵураныҟәарала данцоз аҭҵааратә аартрақәа ҟаиҵон, иаҳҳәап, Синаи, Египет даныҟаз, мамзар Ермантәыла ажәытә аҳҭнықалақь Ани аҟны, Иерусалим уҳәа. Кавказҭҵаара иазку иусумҭақәа даара рыхә ҳаракны иршьоит, урҭ рахьтә акыр аусумҭақәа классикатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, абызшәадырреи алингвистикеи рганахьала иусумҭақәа ус рзузымҳәозаргьы. Ахархәара змоу алитература Аҩӡба У. Ш.. Аԥсуа биографиатә жәар (Абхазский биографический словарь). Москва, 2015. ад. 185. Азгәаҭақәа Акатегориа:1865 шықәсазы ииз Акатегориа:Ажьырныҳәамза 6 рзы ииз Акатегориа:1934 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 20 рзы иԥсыз Акатегориа:Қырҭтәылатәи алингвистцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи аетнографцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи археологцәа Акатегориа:Апалеолингвистцәа Акатегориа:Ақарҭвел бызшәақәа рылингвистцәа Акатегориа:Аерманҭҵааҩцәа Акатегориа:Асовет ҵарауаа Акатегориа:КПСС алахәылацәа Акатегориа:Марраа
37286
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҭраԥшь,_Михаил_Мамеҭ-иԥа
Ҭраԥшь, Михаил Мамеҭ-иԥа
{{Акарточка ауаҩы |ахьӡ=Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь |алма-матер=Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет|аусураҭаҩ=Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет|анашьамҭақәа=Амедаль «Агәымшәаразы»}} '''Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь''' ({{lang-ru|Михаил Мамедович Трапш}}; {{date|10|10|1917}} [[Ҟәланырхәа]], [[Аҟәатәи аокруг]], [[Урыстәылатәи ареспублика]] – {{date|24|2|1968}} [[Аҟәа]], [[Аԥснытәи АССР]], [[Қырҭтәылатәи ССР]]) — раԥхьатәи [[Аԥсуаа|аԥсуа]] [[археолог]], аҭоурыхтә [[Аҭҵаарадыррақәа ркандидат|ҭҵаарадыррақәа ркандидат]], [[апрофессор]], [[Аԥснытәи АССР]] зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы ([[1967]] шықәсазы). Аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы дравторуп. == Анысмҩа == Диит Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь [[Аԥсны]], [[Гәдоуҭа араион]] [[Ҟәланырхәа]] ақыҭан, [[1917]] шықәса [[жьҭаарамза 10]] рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы. [[Гәдоуҭа]]тәи ашкол быжь-класски, Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникуми данрылга анаҩс, [[1935]] шықәсазы дҭалоит [[Аҟәатәи апедагогигатә институт]] (иахьа [[Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет]]), уи дагьалгоит ибзиаӡаны [[1939]] шықәса рзы. Аҵара аамышьҭахь, Михаил Ҭраԥшь Асовет Архәҭақәа рахь арра иԥхьоит. Аррамаҵзура дахысуан [[Ҟрым]], ақалақь [[Симферополь]]. Аррамаҵзура иахысра аамҭазы иалагоит Адунеизегьтәи [[аџьынџьтәылатә еибашьра Ду]], Михаил Ҭраԥшьгьы афронт ахь ддәықәырҵоит. [[Санкт-Петербург|Ленинград]] аҵаҟа ицоз аибашьра аҿы ахәрагьы иоуеит. Даныбзиаха арратә ҵараиурҭа дҭалоит, аснаиперцәа азыҟаиҵон. [[1942]] шықәса инаркны иара ВКП(б) [[КПСС]] далахәылахоит. [[1949]] шықәсазы Михаил Ҭраԥшь [[Қырҭтәылатәи ССР анаукақәа Ракадемиа]] И. А. Џьавахишвили ихьӡ зхыз аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи Ринститут аҟны аспирантура далгоит. [[1957]] шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчоит атема «Калдахәаратәи ижәытәӡатәиу аԥсыжырҭа» атема ала, [[1961]] шықәсазы иҭыжьын аус адуланы, насгьы инарҭбааз монографианы еиҭаҭыжьын, «Аԥснытәи АССР Ҟәланырхәа ақыҭантәи колхидатәии аскифтәии баҟақәа» ҳәа ахьыӡны. [[1962]] шықәсазы Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара аиҭон [[Аԥснытәи анаукаҭҵааратә институт]] археологиа аҟәша, аамҭак азы [[Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт]] аҿы алекциақәа дрыԥхьон. Археологиатә еикспедициақәеи, [[Аҟәа]], [[Афон Ҿыц]], [[Пицунда]] уҳәа аҭыԥқәа рҟны ажрақәеи дрылахәын. Апедагогикатә усура инаваргыланы Михаил Ҭраԥшь ауаажәларратә усурагьы инапы алакын – изныкымкәа далырххьан Аҟәатәи ақалақьтә пленум апартиа акомитет алахәылас, насгьы Аҟәа ақалақьтә хеилак адепутатс. Аԥснытәи Ахеилак Қарҭтәи аилазаара абаҟақәа рыхьчаразы анаԥырҵа инаркны Михаил Ҭраԥшь дрылахәын Аԥсны абаҟақәа рыхьчаразы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы. == Аџьынџьтәылатә еибашьра == Ус, хара имгакәа, [[Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду]] алагеит, Михаилгьы афронт ахь дцеит. [[Санкт-Петербург|Ленинград]] ахақәиҭтәразы аидысларақәа дрылахәын. Михаил Ҭраԥшь аибашьра зегьы дахысит, уи анынҵәоуп аҩныҟа данаа. Урҭ аамҭақәа игәалаиршәоит ҳаамҭазтәи археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор [[Бӷажәба, Олег|Олег Бӷажәба]]. «Михаил Мамеҭ-иԥа сара схәыҷаахыс дыздыруан, аха иара изку раԥхьаӡатәи сгәалашәара инықәырԥшшәа [[1947]] шықәсахьы иаҵанакуеит. Усҟан иара аибашьра аҟынтә дхынҳәхьан, аха зегь акоуп, аррамаҭәа ишәын. Сымҩашьозар, дкавалеристын», — ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауҩ, анаҩс иааигәаны археолог аус ицызуаз. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа нагӡаны, Михаил Ҭраԥшь еснагь игәы ззыҳәоз иус дазыхынҳәит. == Археологиа азыхынҳәра == Раԥхьатәи апрофессионалтә аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь аԥсуа археологиатә ҭҵаарадырра ашьаҭа икит, уи иусумҭақәа уасхырны ирзыҟалеит иаамышьҭахь еиҵагылаз егьырҭ аԥсуаа ҵарауаа. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь дшыхәыҷыз археологиа агәыбылра икит ҳәа агәра ганы иҟоуп иколлегацәа аӡәырҩы. Зегь раԥхьаӡа иҭиҵааз Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭоуп, уи иара дахьиз, дахьааӡаз аҩнаҭа азааигәара иҟоуп. [[1948]] шықәсазы Ҭраԥшь иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа археологиатә жрақәа дрылагеит, иагьиԥшааит ихьшәоу аџьаз аамҭеи заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа колхидатәи, аскифтәи акультурақәа иртәу аԥсыжырҭақәа. Ари аԥсыжырҭа нас Ҟәланырхәатәи ҳәа ахьӡ аиуит, уи инарҭбааны аҭҵаара шьаҭас иаиуит Михаил Ҭраԥшь [[1951]] шықәсазы иихьчаз икандидаттә диссертациа. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ари аусумҭа ахә ҳаразкуа акоуп – Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа – [[Мраҭашәаратәи Кавказ]] аҵакыраҿы ихьшәоу аџьаз аамҭеи, заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа раԥхьатәи иҭҵааз баҟаны иахьыҟалаз. Археолог инарҵауланы иҭиҵаауаз теманы иҟалеит, иара убас, ажәытәтәи Аҟәа. Михаил Ҭраԥшь Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ажрақәа дрылагеит 1951 шықәсазы, Аҟәатәи ашьхаҿы. Уаҟа иара раԥхьаӡа акәны ибеит ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аџьазрҭәаратә ҟазарҭақәа. [[1956]] шықәса инаркны 1960 шықәсанӡа, Ҭраԥшь иҵижааит Алашарбага аҳаблаҿы иҟаз аԥсыжырҭа ду. Ҩышықәса рыбжьара иҭиҵаауан, иара убас, Баграт ишьхаҿы игылоу абжьаратәи ашәышықәсазтәи абааш. Зымҽхак ҭбааз абарҭ иархеологиатә ҭҵаарақәеи иибаз аԥшаахқәеи ирылҵшәаны ауп Михаил Ҭраԥшь дшазааиз абас еиԥш алкаа: Аҟәа ақалақь ахьгылоу аҭыԥан игылан ажәытә аурым қалақь Себастополис. Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара зиҭоз, акрызҵазкуаз археологиатә експедициан Ҵабалтәи аекспедициа. Уи [[1960]] шықәсазы иалагеит, иагьхыркәшахеит [[1967]] шықәсазы. Абарҭ быжьшықәса ирылагӡаны, уаҟа иԥшаан 180 ԥсыжырҭа инареиҳаны. == Аҵарауаҩ, амҩақәҵаҩ == [[Ҵабал]]тәи ажрақәа раан Ҭраԥшь инапхгарала аус руан абаҩхатәра злаз археологцәа қәыԥшқәа аӡәырҩы. Афизик [[Ниутон, Исаак|Исаак Ниутон]] иажәақәа рыла иуҳәозар, Михаил Ҭраԥшь иакәын «ауаҩнырҳа», заԥхьаҟа иҵарауаҩцәа дуқәаны иҟалашаз арԥарацәа зыжәҩахыр иқәыргыланы иаазгоз. [[Шамба, Гьаргь Қәыҷ-иԥа|Гьаргь Шамба]], [[Гәынба, Михаил Михаил-иԥа|Михаил Гәынба]], [[Воронов, Иури Николаи-иԥа|Иури Воронов]], [[Бӷажәба, Олег Хәыхәыт-иԥа|Олег Бӷажәба]] реиԥш ҳаҭҵаарадырраҿы икорифеицәаны иҟалаз археологцәа зегьы иара инапхгарала имҩаԥысуаз аекспедициақәа рҿы аус руан, имҩа иацызҵоз иҵаҩцәа ракәын уҳәар ауеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Раԥхьатәи ахадас иҟалараны иҟаз [[Владислав Григори-иԥа Арӡынба]]гьы. == Аусумҭақәа == Аԥсуа археологиа аклассик акрызҵазкуа егьырҭ иусумҭақәа ируакуп [[Афон Ҿыц]] аҭҵаарақәа, хаҭалагьы [[Анаҟәаԥиатәи абааш]], иара убас Пицунда имҩаԥигоз ажрақәагьы. Аҭҵаарадырратә усура анахысгьы Михаил Мамеҭ-иԥа [[1955]] шықәса инаркны, иԥсы ахьынӡаҭаз [[Аҟәатәи арҵаҩратә институт]] астудентцәа археологиа дырзаԥхьон. Михаил Ҭраԥшь хараӡа Аԥсны анҭыҵгьы аҳаҭыр зқәыз ҵарауаҩын. Иҵара ашықәсқәеи иархеологиатә практикеи раан, еиуеиԥшым аекспедициақәа дрылахәнаҵы аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи дуқәа аӡәырҩы драбадырит, уинахысгьы реимадара имырӡӡеит. Иаҳҳәап, иара аус зциуаз аҵарауаа нагақәа ируаӡәкын [[Иессен, Александр Александр-иԥа|Александр Иессен]], [[Крупнов, Евгени Игнат-иԥа|Евгени Крупнов]], [[Пиотровски, Борис Борис-иԥа|Борис Пиотровски]]. Михаил Ҭраԥшь аусура бзиа избоз, зегьы абырҵкал икылзхуаз ҵарауаҩын, «бжьынтә ишәаны знык ихызҵәо» ҳәа ззырҳәо дреиуан. Иара ахаангьы алкаақәа рыҟаҵара дахыццакуамызт, убри аҟнытә иқәиргылаз арыцхәқәа зегь иашоуп ҳәа шьақәырӷәӷәан. Михаил Мамеҭ-иԥа аамҭак ала ҩ-усумҭа дук ахьчаразы иазирхиеит уҳәар ауеит: акы ажәытә Аҟәа иазкын, егьи – Ҵабал. Нас убарҭ рҟынтә рыуа иқәиргыларыз изалхуамызт. Рыцҳарас иҟалаз, адоктортә диссертациа ахьчара дахьымӡагәышьеит – иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иҭынхаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа рыхә шәашьак амам, рхыԥхьаӡарагьы маҷым. Аԥсуа археологиа уасхыр ӷәӷәас иаҵагылоуп. Михаил Ҭраԥшь қәра дук нимҵит. Иара иԥсҭазаара далҵит 51 шықәса дшырҭагылаз, [[Бӷажәба, Хәыхәыт Салуман-иԥа|1968]] шықәса жәабран 28 рзы. == Ахатәы ԥсҭазаара == Ихатә ԥсҭазааразы иаҳдыруа маҷуп. Ҭраԥшь ҩынтә аԥҳәыс дааигахьан. Аҩбатәи иԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа лхаҵа зегь рыла дивагылан, археологиатә жрақәа дрылахәын, иара дызҿыз аус ҳаҭыр дула дазнеиуан. Михаил Мамеҭ-иԥа даныԥсы, лара лыбзоуралоуп иусумҭақәа акьыԥхь шырбаз, ԥшь-томкны рҭыжьрагьы лара лааԥсарала иҟалеит. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, уи игәалашәара аҳаҭыразы лара акырӡа шықәса археологиатә експедициақәа лхы рылалырхәуан лаборантк иаҳасабала. Михаил Ҭраԥшь иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра амаҵ аура иазкын, аԥсуа археологиа ашьаҭаркҩыс дҟалеит. Иара иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа роуп ҳаԥсадгьыл ажәытәтәи аҭоурых зеиԥшраз агәылаԥшра иацхрааз. == Агәалашәара == Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рзы, инарҵауланы археологиатә ԥшаарақәа рнаҩсгьы, иоуз археологиатә дыррақәа раларҵәарагьы дашьҭан. Иара аамҭак азы идууз ҩ-монографиак аус рыдиулон – «Ижәытәӡатәиу Аҟәеи» «Ҵабалтәи анекрополь акультуреи». Аха, аԥсра алшара инамҭеит арҭ иҭҵаарақәа шәҟәны рҭыжьра абара. [[1968]] шықәса, февральмза 28 рзы [[Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рхеилак]] аӡбамҭа аднакылоит 1968–[[1970]]-тәи ашықәсқәа ирылагӡаны Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь инаукатә ҭынха аҭыжьразы. [[Қырҭтәылатәи ССР анаукақәа Ракадемиа]], Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы аԥсуа институти, ашәҭыжьырҭа «Алашареи» рыбзоурала иаԥҵан ашәҟәқәа рҭыжьразы аредакциатә коллегиа, уи аилазаараҿы иҟан Қырҭтәылатәи Анаукақәа Ракадемиа алахәыла-акорреспондент А. М. Апакиӡе, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторцәа Г. А. Ӡиӡариа (ахантәаҩы), Ш. Д. Инал-иԥа, А. Х. Халиков, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Л. Н. Соловиов, аҟазараҭҵааратә ҵарадыррақәа ркандидат Л. А. Шервашиӡе. Аредколлегиа абжьгара азыҟаҵан Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иҭҵаарадырратә ҭынха зегьы ԥшь-томкны иҭрыжьырц. Актәи атом азкын аџьази, заатәи аихаӡеи ршәышықәсақәа рбаҟақәа, урҭ рыбжьара аҭыԥ ду ааннакылон VIII–VI ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡатәи Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа. Ари ашәҟәы аҟны зыӡбахә ҳәаз аматериалқәа инарываргыланы икьыԥхьын аҭаҵәахқәеи колхиданӡатәии колхидатәи аамҭазтәии аԥшаахқәеи ртәы зҳәоз аматериалқәа ([[Гал]]тәи, [[Очамчыра]]тәи, [[Лыхны]]тәи уҳәа егь.) Ашәҟәы актәи атом, актәи ахәҭа М.М. Ҭраԥшь азеиԥш ҟазшьа змоу истатиақәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ зызку Аԥснытәи археологиатә баҟақәа рҵара ауп, иара убасгьы ара икьыԥхьуп ажәытәӡатәи Аԥсни антикатә аамҭеи ирыҵаркуа аҭоурыхтә очеркқәа. Аизга аҩбатәи атом ианылеит Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь имонографиа «Ажәытәӡатәи Аҟәа» Уи Михаил иҩит антикатә қалақьқәа Диоскуриеи Себастополиси, иахьатәи [[Аҟәа]] ахьыҟоу аҭыԥ аҿы, ирцәынхаз аҭыԥқәа рҟны имҩаԥгаз археологиатә ҭҵаарақәа рышьаҭа ала, иара убасгьы ара иануп антикатәи аамҭазы ашьха Гәадихәи аҳабла [[Алашарбага ҟаԥшь]]и ''(Красный маяк)'' ирызку аҭҵаарақәа. Иара убра икьыԥхьын Аԥсны антикатә аамҭазтәи абаҟақәа рзы адыррақәа. Ахԥатәи атом – Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иԥсы анҭаз иазирхиаз хьӡыс иамоуп «[[Ҵабал]]тәи анекропольқәа ркультура», иара акыршықәсатәи аҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирызкуп, хықәкыла М. М. Ҭраԥшь Ҵабал ииԥшааз III–VI ашәышықәса ҳера ҟалаанӡатәи аԥсыжырҭақәа. Автор ишазгәеиҭо ала, арҭ аԥсыжырҭақәа ижәытәӡатәиу аԥсуа имшьҭра – аԥсилаа иртәуп, уи, ҳәарада, аԥсуа жәлар ретногенез апроблема аӡбаразы даара аҵакы амоуп. Аԥшьбатәи атом аиҳарак изызку ашәышықәса абжьаратәи Аԥснытәи абаҟақәа роуп, убасгьы уа ианылеит Михаил Ҭраԥшь [[Анаҟәаԥиатәи Абааш]], [[Баграт ибааш]] уҳәа реиԥш иҟаз абаҟақәа рҟны имҩаԥигоз археологиатә ԥшаарақәа рылҵшәақәа. Аԥшьбатәи атом еиднакылеит Ҵабалтәи анекропольқәа иназыцҵоу аҭҵаарақәа рылҵшәақәа, [[1967]] шықәсзы Михаил Ҭраԥшь имҩаԥигаз. Иҟоуп, убасгьы, хаз игоу астатиақәа, арецензиақәа, азгәаҭақәа, Аԥсны аҭоурыхи археологиеи рыҭҵаара иадҳәалоу. Зыӡбахә ҳәоу атомқәа рҭыжьразы реиқәыршәара, разырхиара аан аредакциатә коллегиа алахәылацәа, зегь раԥхьа иргыланы хықәкыс ирымаз Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иимкьыԥхьыцыз иусумҭақәа зегьы арҭ ашәҟәқәа ирнылартә аҟаҵара акәын. Аха, урҭ инарываргыланы дара иркьыԥхьит Михаил Ҭраԥшь иҭижьхьаз амонографиақәеи астатиақәеи. Аха арҭ аматериалқәа аҩынтә акьыԥхьраан автор анаҩс иҟаиҵаз аҭҵаарақәа рыла ихарҭәаан. Даара ирҽеин аусумҭақәа ирыцыз аиллиустрациақәагьы, уи азын аиқәыршәаҩцәа Михаил Ҭраԥшь еизигахьаз археологиатә коллекциақәагьы еиҭарыхәаԥшыр акәхеит. Архив акьыԥхь азырхиара иадҳәалаз аусурақәа зегьы Михаил Ҭраԥшь иԥшәмаԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа Ҭраԥшь лнапы иҵылгеит, уи акыр ацхыраара лиҭеит Иу. Н. Воронов, насгьы аԥсуа институт аусзуҩцәа Г. К. Шамба, М. М. Гәымба. Анаҩс атом еиқәыршәаны редакторра азиуит А. Халиков. == Аҭыжьымҭақәа == * Труды: В 4-х т. / [Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН ГССР]. - Сухуми : [«Алашара»], 1969, Трапш, М. М. * Труды: В 4-х т. / [АН ГССР. Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа]. - Тбилиси : Мецниереба, 1972, Трапш, М. М. * Труды: В 4-х т. / [Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН ГССР]. - Сухуми : [«Алашара»], 1975, Трапш, М. М. * Памятники колхидской и скифской культур в селе Куланурхва Абхазской АССР. - Сухуми: Абгиз, 1962. - 83 с. с илл.; 23 л. илл. Трапш, М. М. * Куланурхвинский древний могильник: Автореф. дис. на соискание учен. степени канд. ист. наук. - Сухуми, 1951. - 16 с. Трапш, М. М. * Материалы по археологии Абхазии / АН Груз. ССР. Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа. - Тбилиси : Мецниереба, 1967. Трапш, М. М. == Ахархәара змоу алитература == * Г. К. Шамба, Михаил Ҭраԥшь, Иԥсҭазаареи иусуреи == Азхьарԥшқәа == * http://apsnyteka.org/1021-trapsh_statji.html * http://gazeta-ra.info/index.php?ELEMENT_ID=16247 * https://www.ekhokavkaza.com/a/28868273.html * https://arheologija.ru/m-m-trapsh/ * https://www.abaza.org/mikhail-trapsh-klassik-arkheologii * https://www.youtube.com/watch?v=bdx9Lo5C8rg * http://apsnyteka.org/file/Materialy_nauchnoy_konferentzii_posviashennoy_100_letiu_M_Trapsh_2017.pdf * https://www.abaza.org/abk/mikhail-trapsh-arkheologia-aklassik * https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/143975/ * http://alashara.org/news/polevyie_dnevniki_arheologov {{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20180903024553/http://alashara.org/news/polevyie_dnevniki_arheologov |date=2018-09-03 }} [[Акатегориа:1917 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Жьҭаарамза 10 рзы ииз]] [[Акатегориа:1968 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Жәабранмза 24 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Асовет археологцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны археологцәа]] [[Акатегориа:КПСС алахәылацәа]] [[Акатегориа:Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аршьаҟауаа]] [[Акатегориа:Ҭраԥшьаа]]
Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь (; Ҟәланырхәа, Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи ареспублика – Аҟәа, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР) — раԥхьатәи аԥсуа археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы (1967 шықәсазы). Аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы дравторуп. Анысмҩа Диит Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь Аԥсны, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан, 1917 шықәса жьҭаарамза 10 рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы. Гәдоуҭатәи ашкол быжь-класски, Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникуми данрылга анаҩс, 1935 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи апедагогигатә институт (иахьа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет), уи дагьалгоит ибзиаӡаны 1939 шықәса рзы. Аҵара аамышьҭахь, Михаил Ҭраԥшь Асовет Архәҭақәа рахь арра иԥхьоит. Аррамаҵзура дахысуан Ҟрым, ақалақь Симферополь. Аррамаҵзура иахысра аамҭазы иалагоит Адунеизегьтәи аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, Михаил Ҭраԥшьгьы афронт ахь ддәықәырҵоит. Ленинград аҵаҟа ицоз аибашьра аҿы ахәрагьы иоуеит. Даныбзиаха арратә ҵараиурҭа дҭалоит, аснаиперцәа азыҟаиҵон. 1942 шықәса инаркны иара ВКП(б) КПСС далахәылахоит. 1949 шықәсазы Михаил Ҭраԥшь Қырҭтәылатәи ССР анаукақәа Ракадемиа И. А. Џьавахишвили ихьӡ зхыз аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи Ринститут аҟны аспирантура далгоит. 1957 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчоит атема «Калдахәаратәи ижәытәӡатәиу аԥсыжырҭа» атема ала, 1961 шықәсазы иҭыжьын аус адуланы, насгьы инарҭбааз монографианы еиҭаҭыжьын, «Аԥснытәи АССР Ҟәланырхәа ақыҭантәи колхидатәии аскифтәии баҟақәа» ҳәа ахьыӡны. 1962 шықәсазы Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара аиҭон Аԥснытәи анаукаҭҵааратә институт археологиа аҟәша, аамҭак азы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт аҿы алекциақәа дрыԥхьон. Археологиатә еикспедициақәеи, Аҟәа, Афон Ҿыц, Пицунда уҳәа аҭыԥқәа рҟны ажрақәеи дрылахәын. Апедагогикатә усура инаваргыланы Михаил Ҭраԥшь ауаажәларратә усурагьы инапы алакын – изныкымкәа далырххьан Аҟәатәи ақалақьтә пленум апартиа акомитет алахәылас, насгьы Аҟәа ақалақьтә хеилак адепутатс. Аԥснытәи Ахеилак Қарҭтәи аилазаара абаҟақәа рыхьчаразы анаԥырҵа инаркны Михаил Ҭраԥшь дрылахәын Аԥсны абаҟақәа рыхьчаразы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ус, хара имгакәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагеит, Михаилгьы афронт ахь дцеит. Ленинград ахақәиҭтәразы аидысларақәа дрылахәын. Михаил Ҭраԥшь аибашьра зегьы дахысит, уи анынҵәоуп аҩныҟа данаа. Урҭ аамҭақәа игәалаиршәоит ҳаамҭазтәи археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба. «Михаил Мамеҭ-иԥа сара схәыҷаахыс дыздыруан, аха иара изку раԥхьаӡатәи сгәалашәара инықәырԥшшәа 1947 шықәсахьы иаҵанакуеит. Усҟан иара аибашьра аҟынтә дхынҳәхьан, аха зегь акоуп, аррамаҭәа ишәын. Сымҩашьозар, дкавалеристын», — ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауҩ, анаҩс иааигәаны археолог аус ицызуаз. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа нагӡаны, Михаил Ҭраԥшь еснагь игәы ззыҳәоз иус дазыхынҳәит. Археологиа азыхынҳәра Раԥхьатәи апрофессионалтә аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь аԥсуа археологиатә ҭҵаарадырра ашьаҭа икит, уи иусумҭақәа уасхырны ирзыҟалеит иаамышьҭахь еиҵагылаз егьырҭ аԥсуаа ҵарауаа. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь дшыхәыҷыз археологиа агәыбылра икит ҳәа агәра ганы иҟоуп иколлегацәа аӡәырҩы. Зегь раԥхьаӡа иҭиҵааз Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭоуп, уи иара дахьиз, дахьааӡаз аҩнаҭа азааигәара иҟоуп. 1948 шықәсазы Ҭраԥшь иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа археологиатә жрақәа дрылагеит, иагьиԥшааит ихьшәоу аџьаз аамҭеи заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа колхидатәи, аскифтәи акультурақәа иртәу аԥсыжырҭақәа. Ари аԥсыжырҭа нас Ҟәланырхәатәи ҳәа ахьӡ аиуит, уи инарҭбааны аҭҵаара шьаҭас иаиуит Михаил Ҭраԥшь 1951 шықәсазы иихьчаз икандидаттә диссертациа. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ари аусумҭа ахә ҳаразкуа акоуп – Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа – Мраҭашәаратәи Кавказ аҵакыраҿы ихьшәоу аџьаз аамҭеи, заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа раԥхьатәи иҭҵааз баҟаны иахьыҟалаз. Археолог инарҵауланы иҭиҵаауаз теманы иҟалеит, иара убас, ажәытәтәи Аҟәа. Михаил Ҭраԥшь Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ажрақәа дрылагеит 1951 шықәсазы, Аҟәатәи ашьхаҿы. Уаҟа иара раԥхьаӡа акәны ибеит ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аџьазрҭәаратә ҟазарҭақәа. 1956 шықәса инаркны 1960 шықәсанӡа, Ҭраԥшь иҵижааит Алашарбага аҳаблаҿы иҟаз аԥсыжырҭа ду. Ҩышықәса рыбжьара иҭиҵаауан, иара убас, Баграт ишьхаҿы игылоу абжьаратәи ашәышықәсазтәи абааш. Зымҽхак ҭбааз абарҭ иархеологиатә ҭҵаарақәеи иибаз аԥшаахқәеи ирылҵшәаны ауп Михаил Ҭраԥшь дшазааиз абас еиԥш алкаа: Аҟәа ақалақь ахьгылоу аҭыԥан игылан ажәытә аурым қалақь Себастополис. Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара зиҭоз, акрызҵазкуаз археологиатә експедициан Ҵабалтәи аекспедициа. Уи 1960 шықәсазы иалагеит, иагьхыркәшахеит 1967 шықәсазы. Абарҭ быжьшықәса ирылагӡаны, уаҟа иԥшаан 180 ԥсыжырҭа инареиҳаны. Аҵарауаҩ, амҩақәҵаҩ Ҵабалтәи ажрақәа раан Ҭраԥшь инапхгарала аус руан абаҩхатәра злаз археологцәа қәыԥшқәа аӡәырҩы. Афизик Исаак Ниутон иажәақәа рыла иуҳәозар, Михаил Ҭраԥшь иакәын «ауаҩнырҳа», заԥхьаҟа иҵарауаҩцәа дуқәаны иҟалашаз арԥарацәа зыжәҩахыр иқәыргыланы иаазгоз. Гьаргь Шамба, Михаил Гәынба, Иури Воронов, Олег Бӷажәба реиԥш ҳаҭҵаарадырраҿы икорифеицәаны иҟалаз археологцәа зегьы иара инапхгарала имҩаԥысуаз аекспедициақәа рҿы аус руан, имҩа иацызҵоз иҵаҩцәа ракәын уҳәар ауеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Раԥхьатәи ахадас иҟалараны иҟаз Владислав Григори-иԥа Арӡынбагьы. Аусумҭақәа Аԥсуа археологиа аклассик акрызҵазкуа егьырҭ иусумҭақәа ируакуп Афон Ҿыц аҭҵаарақәа, хаҭалагьы Анаҟәаԥиатәи абааш, иара убас Пицунда имҩаԥигоз ажрақәагьы. Аҭҵаарадырратә усура анахысгьы Михаил Мамеҭ-иԥа 1955 шықәса инаркны, иԥсы ахьынӡаҭаз Аҟәатәи арҵаҩратә институт астудентцәа археологиа дырзаԥхьон. Михаил Ҭраԥшь хараӡа Аԥсны анҭыҵгьы аҳаҭыр зқәыз ҵарауаҩын. Иҵара ашықәсқәеи иархеологиатә практикеи раан, еиуеиԥшым аекспедициақәа дрылахәнаҵы аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи дуқәа аӡәырҩы драбадырит, уинахысгьы реимадара имырӡӡеит. Иаҳҳәап, иара аус зциуаз аҵарауаа нагақәа ируаӡәкын Александр Иессен, Евгени Крупнов, Борис Пиотровски. Михаил Ҭраԥшь аусура бзиа избоз, зегьы абырҵкал икылзхуаз ҵарауаҩын, «бжьынтә ишәаны знык ихызҵәо» ҳәа ззырҳәо дреиуан. Иара ахаангьы алкаақәа рыҟаҵара дахыццакуамызт, убри аҟнытә иқәиргылаз арыцхәқәа зегь иашоуп ҳәа шьақәырӷәӷәан. Михаил Мамеҭ-иԥа аамҭак ала ҩ-усумҭа дук ахьчаразы иазирхиеит уҳәар ауеит: акы ажәытә Аҟәа иазкын, егьи – Ҵабал. Нас убарҭ рҟынтә рыуа иқәиргыларыз изалхуамызт. Рыцҳарас иҟалаз, адоктортә диссертациа ахьчара дахьымӡагәышьеит – иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иҭынхаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа рыхә шәашьак амам, рхыԥхьаӡарагьы маҷым. Аԥсуа археологиа уасхыр ӷәӷәас иаҵагылоуп. Михаил Ҭраԥшь қәра дук нимҵит. Иара иԥсҭазаара далҵит 51 шықәса дшырҭагылаз, 1968 шықәса жәабран 28 рзы. Ахатәы ԥсҭазаара Ихатә ԥсҭазааразы иаҳдыруа маҷуп. Ҭраԥшь ҩынтә аԥҳәыс дааигахьан. Аҩбатәи иԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа лхаҵа зегь рыла дивагылан, археологиатә жрақәа дрылахәын, иара дызҿыз аус ҳаҭыр дула дазнеиуан. Михаил Мамеҭ-иԥа даныԥсы, лара лыбзоуралоуп иусумҭақәа акьыԥхь шырбаз, ԥшь-томкны рҭыжьрагьы лара лааԥсарала иҟалеит. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, уи игәалашәара аҳаҭыразы лара акырӡа шықәса археологиатә експедициақәа лхы рылалырхәуан лаборантк иаҳасабала. Михаил Ҭраԥшь иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра амаҵ аура иазкын, аԥсуа археологиа ашьаҭаркҩыс дҟалеит. Иара иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа роуп ҳаԥсадгьыл ажәытәтәи аҭоурых зеиԥшраз агәылаԥшра иацхрааз. Агәалашәара Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рзы, инарҵауланы археологиатә ԥшаарақәа рнаҩсгьы, иоуз археологиатә дыррақәа раларҵәарагьы дашьҭан. Иара аамҭак азы идууз ҩ-монографиак аус рыдиулон – «Ижәытәӡатәиу Аҟәеи» «Ҵабалтәи анекрополь акультуреи». Аха, аԥсра алшара инамҭеит арҭ иҭҵаарақәа шәҟәны рҭыжьра абара. 1968 шықәса, февральмза 28 рзы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рхеилак аӡбамҭа аднакылоит 1968–1970-тәи ашықәсқәа ирылагӡаны Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь инаукатә ҭынха аҭыжьразы. Қырҭтәылатәи ССР анаукақәа Ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы аԥсуа институти, ашәҭыжьырҭа «Алашареи» рыбзоурала иаԥҵан ашәҟәқәа рҭыжьразы аредакциатә коллегиа, уи аилазаараҿы иҟан Қырҭтәылатәи Анаукақәа Ракадемиа алахәыла-акорреспондент А. М. Апакиӡе, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторцәа Г. А. Ӡиӡариа (ахантәаҩы), Ш. Д. Инал-иԥа, А. Х. Халиков, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Л. Н. Соловиов, аҟазараҭҵааратә ҵарадыррақәа ркандидат Л. А. Шервашиӡе. Аредколлегиа абжьгара азыҟаҵан Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иҭҵаарадырратә ҭынха зегьы ԥшь-томкны иҭрыжьырц. Актәи атом азкын аџьази, заатәи аихаӡеи ршәышықәсақәа рбаҟақәа, урҭ рыбжьара аҭыԥ ду ааннакылон VIII–VI ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡатәи Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа. Ари ашәҟәы аҟны зыӡбахә ҳәаз аматериалқәа инарываргыланы икьыԥхьын аҭаҵәахқәеи колхиданӡатәии колхидатәи аамҭазтәии аԥшаахқәеи ртәы зҳәоз аматериалқәа (Галтәи, Очамчыратәи, Лыхнытәи уҳәа егь.) Ашәҟәы актәи атом, актәи ахәҭа М.М. Ҭраԥшь азеиԥш ҟазшьа змоу истатиақәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ зызку Аԥснытәи археологиатә баҟақәа рҵара ауп, иара убасгьы ара икьыԥхьуп ажәытәӡатәи Аԥсни антикатә аамҭеи ирыҵаркуа аҭоурыхтә очеркқәа. Аизга аҩбатәи атом ианылеит Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь имонографиа «Ажәытәӡатәи Аҟәа» Уи Михаил иҩит антикатә қалақьқәа Диоскуриеи Себастополиси, иахьатәи Аҟәа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы, ирцәынхаз аҭыԥқәа рҟны имҩаԥгаз археологиатә ҭҵаарақәа рышьаҭа ала, иара убасгьы ара иануп антикатәи аамҭазы ашьха Гәадихәи аҳабла Алашарбага ҟаԥшьи (Красный маяк) ирызку аҭҵаарақәа. Иара убра икьыԥхьын Аԥсны антикатә аамҭазтәи абаҟақәа рзы адыррақәа. Ахԥатәи атом – Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иԥсы анҭаз иазирхиаз хьӡыс иамоуп «Ҵабалтәи анекропольқәа ркультура», иара акыршықәсатәи аҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирызкуп, хықәкыла М. М. Ҭраԥшь Ҵабал ииԥшааз III–VI ашәышықәса ҳера ҟалаанӡатәи аԥсыжырҭақәа. Автор ишазгәеиҭо ала, арҭ аԥсыжырҭақәа ижәытәӡатәиу аԥсуа имшьҭра – аԥсилаа иртәуп, уи, ҳәарада, аԥсуа жәлар ретногенез апроблема аӡбаразы даара аҵакы амоуп. Аԥшьбатәи атом аиҳарак изызку ашәышықәса абжьаратәи Аԥснытәи абаҟақәа роуп, убасгьы уа ианылеит Михаил Ҭраԥшь Анаҟәаԥиатәи Абааш, Баграт ибааш уҳәа реиԥш иҟаз абаҟақәа рҟны имҩаԥигоз археологиатә ԥшаарақәа рылҵшәақәа. Аԥшьбатәи атом еиднакылеит Ҵабалтәи анекропольқәа иназыцҵоу аҭҵаарақәа рылҵшәақәа, 1967 шықәсзы Михаил Ҭраԥшь имҩаԥигаз. Иҟоуп, убасгьы, хаз игоу астатиақәа, арецензиақәа, азгәаҭақәа, Аԥсны аҭоурыхи археологиеи рыҭҵаара иадҳәалоу. Зыӡбахә ҳәоу атомқәа рҭыжьразы реиқәыршәара, разырхиара аан аредакциатә коллегиа алахәылацәа, зегь раԥхьа иргыланы хықәкыс ирымаз Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иимкьыԥхьыцыз иусумҭақәа зегьы арҭ ашәҟәқәа ирнылартә аҟаҵара акәын. Аха, урҭ инарываргыланы дара иркьыԥхьит Михаил Ҭраԥшь иҭижьхьаз амонографиақәеи астатиақәеи. Аха арҭ аматериалқәа аҩынтә акьыԥхьраан автор анаҩс иҟаиҵаз аҭҵаарақәа рыла ихарҭәаан. Даара ирҽеин аусумҭақәа ирыцыз аиллиустрациақәагьы, уи азын аиқәыршәаҩцәа Михаил Ҭраԥшь еизигахьаз археологиатә коллекциақәагьы еиҭарыхәаԥшыр акәхеит. Архив акьыԥхь азырхиара иадҳәалаз аусурақәа зегьы Михаил Ҭраԥшь иԥшәмаԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа Ҭраԥшь лнапы иҵылгеит, уи акыр ацхыраара лиҭеит Иу. Н. Воронов, насгьы аԥсуа институт аусзуҩцәа Г. К. Шамба, М. М. Гәымба. Анаҩс атом еиқәыршәаны редакторра азиуит А. Халиков. Аҭыжьымҭақәа Труды: В 4-х т. / [Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН ГССР]. - Сухуми : [«Алашара»], 1969, Трапш, М. М. Труды: В 4-х т. / [АН ГССР. Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа]. - Тбилиси : Мецниереба, 1972, Трапш, М. М. Труды: В 4-х т. / [Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН ГССР]. - Сухуми : [«Алашара»], 1975, Трапш, М. М. Памятники колхидской и скифской культур в селе Куланурхва Абхазской АССР. - Сухуми: Абгиз, 1962. - 83 с. с илл.; 23 л. илл. Трапш, М. М. Куланурхвинский древний могильник: Автореф. дис. на соискание учен. степени канд. ист. наук. - Сухуми, 1951. - 16 с. Трапш, М. М. Материалы по археологии Абхазии / АН Груз. ССР. Абхаз. ин-т яз., литературы и истории им. Д. И. Гулиа. - Тбилиси : Мецниереба, 1967. Трапш, М. М. Ахархәара змоу алитература Г. К. Шамба, Михаил Ҭраԥшь, Иԥсҭазаареи иусуреи Азхьарԥшқәа http://apsnyteka.org/1021-trapsh_statji.html http://gazeta-ra.info/index.php?ELEMENT_ID=16247 https://www.ekhokavkaza.com/a/28868273.html https://arheologija.ru/m-m-trapsh/ https://www.abaza.org/mikhail-trapsh-klassik-arkheologii https://www.youtube.com/watch?v=bdx9Lo5C8rg http://apsnyteka.org/file/Materialy_nauchnoy_konferentzii_posviashennoy_100_letiu_M_Trapsh_2017.pdf https://www.abaza.org/abk/mikhail-trapsh-arkheologia-aklassik https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/143975/ http://alashara.org/news/polevyie_dnevniki_arheologov Акатегориа:1917 шықәсазы ииз Акатегориа:Жьҭаарамза 10 рзы ииз Акатегориа:1968 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Жәабранмза 24 рзы иԥсыз Акатегориа:Асовет археологцәа Акатегориа:Аԥсны археологцәа Акатегориа:КПСС алахәылацәа Акатегориа:Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аршьаҟауаа Акатегориа:Ҭраԥшьаа
37329
https://ab.wikipedia.org/wiki/Басариа,_Симон_Пиотр-иԥа
Басариа, Симон Пиотр-иԥа
{{Акарточка аполитик |ахьӡ=Симон Пиотр-иԥа Басариа |аира аҭыԥ=[[Кәтол]] ақ.,​ [[Аҟәатәи аокруг]],​ [[Қәҭешьтәи агуберниа|Қәҭешьтәи агуберниа]],​ [[Урыстәылатәи аимпериа]] |аԥсра аҭыԥ=[[Қарҭ]], [[Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика|Қырҭтәылатәи ССР]],​ [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|СССР]] ​}} '''Симон Пиотр-иԥа Басариа''', аԥсевдоним '''Симон Аԥсуа''' ({{lang-ru|Симон Петрович Басария}}; {{date|8|12|1884}} [[Кәтол]] – {{date|27|5|1942}} [[Қарҭ]]) — [[Аԥсуаа|Аԥсуа]] аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы, арҵаҩы, атәылаҿацәҭҵааҩ, апублицист; [[1917]]-[[1921]] шш. рзы [[Аԥсны]] имҩаԥысуаз аполитикатә хҭысқәа активла зхы рылазырхәуаз, [[Аԥсны Жәлар рсовет]] раԥхьатәи ахантәаҩы (1917-1918). Иҽазҵәылхны дықәгылан Аԥсни [[Нхыҵ-Кавказ]]и реидгыларазы, [[Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика|Қырҭтәыла]] аполитикатә интеграциа даҿагылан.<ref>{{cite web |url=http://www.hrono.ru/biograf/bio_b/basaria_sp.php |title=Басария Симон Петрович |website=hrono.ru |access-date=2021-08-31 |archive-date=2021-08-31 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210831160716/http://www.hrono.ru/biograf/bio_b/basaria_sp.php }}</ref>. ==Абиографиа== Диит [[1884]] ш. ԥҳынҷкәынмза 8 рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы, [[Кәтол]] ақыҭан [[Кәыдрытәи аучасток]] [[Аҟәатәи аокруг]] (уажәы [[Очамчыра араион]]). Ааигәа, игәылара ишьҭаз [[Бедиа]] ақыҭан ауахәаматә школ далгеит. Анаҩс, аҵара иҵон [[Аҟәа]]тәи ашьхарыуаа рышкол аҟны,<ref>{{cite web |url=https://www.shukach.com/ru/node/52487 |title=Горская школа в Сухуме |website=shukach.com |access-date=2021-08-31 |archive-date=2021-11-08 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211108135615/https://www.shukach.com/ru/node/52487 }}</ref> уи даналга [[1897]] ш. рзы иреиӷьыз аҵаҩы ҳәа [[Гориатәи адоуҳатә семинариа]]хь ддәықәырҵеит, дагьалгеит [[1902]] ш. рзы. Иара убри ашықәс азы [[Ҟәбантәи араион]] ачерқьесцәа рқыҭа Касиев иҟаз ашкол аҟны [[Аурыс бызшәа|аурыс бызшәеи]] [[Агеографиа|агеографиеи]] рырҵаҩыс аусура далагеит; [[1903]] ш. [[Армавир]]тәи иреиҳау алагарҭатә ҵараиурҭахь диаган. [[1905]] ш. рзы Армавир арҵаҩцәа рполитикатә кружок «аҟаԥшьқәа рҟынтә» далахәын. Гәыԥҩык арҵаҩцәеи иареи аиҳабыра ирҿагылоу ҳәа ахара рыдҵан. [[1910]] ш. рзы [[Атехникатә дыррақәа раларҵәаразы москватәи ауаажәларра]] ахырхарҭала жәлар рырҵаҩцәа ргәыԥ ду далахәны аҳәаанырцә алагарҭатә ҵараиура аиҿкаара дахысуан. Симон Басариа [[Нхыҵ-Кавказ]]ҟа даныхынҳә, еиуеиԥшым ашколқәа рыҟны аус иуан. [[1910-1920|1910-тәи ашықәсқәа]] ирыҵаркуеит иара илитературатә усура ахацыркра. Симон Басариа раԥхьатәи икьыԥхьтә усумҭа итәыла гәакьа иазикит. 1910 ш. рзы екатеринодартәи ажурнал «На Кавказе» аҟны ицәырҵит истатиа «Забытый край» Аԥсны [[Урыстәыла]] иадлеижьҭеи 100 ш. аҵра иазкны. 1910-тәи ашықәс заԥхьаҟа иҭҵааҩхараны иҟаз ауаҩы изы ирҿиаратә усура иасакьаҳәамҭаны иҟалеит. Иусумҭақәа ркьыԥхьуан кавказтәи аҭыжьырҭақәа рыҟны: «Кавказтәи атәылаҿацә», «Кавказтәи ашьыжь», «Ҟәыбантәи атәылаҿацә», «Кавказтәи абжьныҩра», «Ҟәбантәи ашкол»; иара икорреспонденциақәа акьыԥхь рбон агазеҭ «[[Аҟәатәи адырраҭаҩ]]» аҟны. Басариа активла аус иуан егьи амшынеиқәатә газеҭ - «[[Баҭымтәи адырраҭаҩ]]» аҟынгьы.<ref name=Апсуара>{{cite web |author=Анчабаӡе И. Д. |author-link=Анчабаӡе, Иура Дмитри-иԥа |url=http://www.apsuara.ru/lib_a/anchab_basaria.php |title=Симон Петрович Басария: педагог, этнограф, краевед |lang=ru |website=apsuara.ru |publisher= |date=2003 |access-date=2021-08-31 |archive-date=2021-08-31 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210831160725/http://www.apsuara.ru/lib_a/anchab_basaria.php }}</ref><ref>Ӡиӡариа, 1984, ад. 3—5.</ref> [[1917]] ш. [[жәабрантәи ареволиуциа]] анаҩс С. П. Басариа Армавиртәи ауаажәларратә шәарҭадаратә еилак алахәылас далхын. Иара убри ашықәсан, нанҳәамзазы, Аԥсныҟа диасит. Аҟәа Басариа дизааигәахеит [[Шерипов, Асланбек Џьемалудин-иԥа|Асланбек Шерипов]], ижәлар рмилаҭтә еиҭеира аидеиақәа зҿлымҳара риҭо далагеит, абуржуазиа-аамсҭатә еиҿкаарақәа [[Зҽеидызкылаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа реидгыла|Зҽеидызкылаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа реидгылеи]] Аԥсны жәлар рсовети (АНС) - Симон Басариа напхгара зиҭоз Ашьхарыуа жәлар Реидгыла амчра аҭыԥантәи аусбарҭа игәыӷрақәа рыдҳәало.<ref name=Апсуара /> Аха иаарласны иполитикатә хәаԥшышьа аҿаԥсахит, абуржуазиа-меньшивиктә диктатура даҿагыланы дықәгыло далагеит, Асоветгьы далҵит. Жәабранмза 1918 ш. рзы Аҟәа Асовет мчра ашьақәыргылара ианалага, иара Арра-револиуциатә еилакы далалеит. Ахах ара имгакәа ҩаԥхьа Нхыҵ-Кавказҟа дцеит. Аԥсныҟа Басариа дхынҳәит [[1920]] ш. ԥхынҷкәынмзазы, убри аан ақырҭуа мчрақәа иара ихынҳәра иазкны иаԥырҵаз аҭагылазаашьа иахҟьаны, аполитикатә усура активла аҽалархәразы алшара имамызт.<ref name=Апсуара /><ref>Ӡиӡариа, 1984, ад. 15.</ref> Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь С. П. Басариа Аҵаралашаразы жәлар ркомиссариат асистемаҟны анапхгаратә усура инапы ианҵан. Уи адгылара риҭеит [[1921]] ш. [[хәажәкырамза 31]] рзы Ихьыԥшым Асовет Социалисттә Республика ҳәа рылазҳәаз Аԥсны амилаҭ-ҳәынҭқарратә еиҿкаараҟны абольшевикцәа иҟарҵоз раԥхьатәи ашьаҿақәа. Аха 1921 ш. [[абҵарамза 16]] рзы, [[РКП (б) Ацентр комитет Кавбиуро]] иаднакылаз ақәҵарала «аекономикалеи аполитикалеи ихьыԥшым Аԥсны ҳәа аҟалара шҵаҵӷәыдоу» азханаҵеит. Ас еиԥш аӡбамҭа шьаҭас иаман 1921 ш. ԥхынҷкәынмзазы [[Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика|Қырҭтәылатәи ССРи]] Аԥсны [[Асоветтә Социалисттә Республика Аԥсни|ССР Аԥсни]] рыбжьара изҵаҩыз аидгыларатә Еиқәшаҳаҭра, абри ала ареспубликақәа еидҵан афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаны. Аԥснытәи Асоветқәа I реизара ду аделегат даныҟаз Симон Пиотр-иԥа ареспубликақәа реидҵара даҿагыланы дықәгылеит, аԥхьаҟагьы Аԥсни Қырҭтәылеи рполитикатә еизааигәатәра даҿагылон есқьынгьы. Ари Аԥсны хаз ҳәынҭқарраны аҟаларазы ашәарҭара иадибалон, аԥсуаа ретнокультуратә хаҿра аиқәырхаразы ишәарҭан, ас еиԥш аизааигәахара ареспублика аетнодемографиатә баланс иаԥырхагоу, иҽеим афактор аҳасабала дахәаԥшуан. Симон Басариа амчра ахаҭарнакцәа акритика рызуа дықәгылон Аԥсны иазку ауадаҩрақәа рзы игәаанагара иақәымшәозар имҩаԥыргоз аусқәа. С. П. Басариа арҵаҩратә усура инапы алакын аҭоурых-етнографиатә тәылаҿацәҭҵааратә ԥшаарақәа еилагӡаны. [[1923]] ш. рзы иҭыҵит авторс дызмаз аԥсуаҭҵааратә усумҭа хада - «Аԥсны агеографиа, аетнографиа, аекономика инадҳәаланы». Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Симон Басариа аус иуан Қырҭтәыла арҵаҩцәа русура аиӷьтәразы Аинститут аԥсуа филиал адиректорс.<ref name=Апсуара /> [[1937]] ш. жьҭаарамзазы аҟәатәи агазеҭ «Советская Абхазия» аҟны ицәырҵит астатиа Симон Басариа [[абуржуазиатә национализм]] азы ахара идҵара иазкыз. [[1941]] ш. цәыббрамзазы иара аара идҵан «изинтәым аконтрреволиуциатә милаҭ-соцалисттә еиҿкаара» иалоу, аидеолог хада ироль иҭаны. Қырҭтәыла [[НКВД]] Арратә трибунал иаркыз аилатәараҿы С. П. Басариа иреиҳаӡоу ахара идҵан, даршьит [[1942]] ш. [[лаҵарамза 27]] рзы. Ареабилитациа иуын [[СССР Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа]] арратә коллегиала [[1958]] ш. [[нанҳәамза 7]] рзы.<ref name=Апсуара /> ==Алитература== * {{Ашәҟәы| Ажәла= Ӡиӡариа | Ахьӡ = Гьаргь Алексеи-иԥа|Астатиа ахьӡ=Симон Басария // Биографический очерк. Статьи|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/2375-basariya_s_biografichesky_ocherk_stati_1984.html|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Алашара|Ашықәс=1984|Адаҟьақәа=60}} * {{Ашәҟәы | Ажәла = | Ахьӡ = | Астатиа ахьӡ = Репрессированные этнографы | Аҭакзыԥхықәу = сост. Д. Д. Тумаркин | Азхьарԥш = http://static.iea.ras.ru/books/Repression2.pdf | Аҭыԥ = Москва | Аҭыжьырҭа = Восточная литература | Ашықәс = 2003 | Адаҟьақәа = 496 | Адаҟьақәа ааидкылан = 301—321 | isbn = 5-02-018321-0}} ==Азхьарԥшқәа== * {{cite web |author=Арифа Капба |url=https://abaza.org/sozdatel-pervoy-konstitutsii-i-myslivshiy-abkhaziyu-svobodnoy-o-simone-basariya |title=Создатель первой Конституции и мысливший Абхазию свободной: о Симоне Басария |lang= |website=abaza.org/ Всемирный абхазо-абазинский конгресс |publisher= |date=2018|access-date=2021-08-31}} ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1884 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 8 рзы ииз]] [[Акатегориа:1942 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Лаҵарамза 27 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа]] [[Акатегориа:Басариаа]]
Симон Пиотр-иԥа Басариа, аԥсевдоним Симон Аԥсуа (; Кәтол – Қарҭ) — Аԥсуа аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы, арҵаҩы, атәылаҿацәҭҵааҩ, апублицист; 1917-1921 шш. рзы Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә хҭысқәа активла зхы рылазырхәуаз, Аԥсны Жәлар рсовет раԥхьатәи ахантәаҩы (1917-1918). Иҽазҵәылхны дықәгылан Аԥсни Нхыҵ-Кавкази реидгыларазы, Қырҭтәыла аполитикатә интеграциа даҿагылан.. Абиографиа Диит 1884 ш. ԥҳынҷкәынмза 8 рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы, Кәтол ақыҭан Кәыдрытәи аучасток Аҟәатәи аокруг (уажәы Очамчыра араион). Ааигәа, игәылара ишьҭаз Бедиа ақыҭан ауахәаматә школ далгеит. Анаҩс, аҵара иҵон Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол аҟны, уи даналга 1897 ш. рзы иреиӷьыз аҵаҩы ҳәа Гориатәи адоуҳатә семинариахь ддәықәырҵеит, дагьалгеит 1902 ш. рзы. Иара убри ашықәс азы Ҟәбантәи араион ачерқьесцәа рқыҭа Касиев иҟаз ашкол аҟны аурыс бызшәеи агеографиеи рырҵаҩыс аусура далагеит; 1903 ш. Армавиртәи иреиҳау алагарҭатә ҵараиурҭахь диаган. 1905 ш. рзы Армавир арҵаҩцәа рполитикатә кружок «аҟаԥшьқәа рҟынтә» далахәын. Гәыԥҩык арҵаҩцәеи иареи аиҳабыра ирҿагылоу ҳәа ахара рыдҵан. 1910 ш. рзы Атехникатә дыррақәа раларҵәаразы москватәи ауаажәларра ахырхарҭала жәлар рырҵаҩцәа ргәыԥ ду далахәны аҳәаанырцә алагарҭатә ҵараиура аиҿкаара дахысуан. Симон Басариа Нхыҵ-Кавказҟа даныхынҳә, еиуеиԥшым ашколқәа рыҟны аус иуан. 1910-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит иара илитературатә усура ахацыркра. Симон Басариа раԥхьатәи икьыԥхьтә усумҭа итәыла гәакьа иазикит. 1910 ш. рзы екатеринодартәи ажурнал «На Кавказе» аҟны ицәырҵит истатиа «Забытый край» Аԥсны Урыстәыла иадлеижьҭеи 100 ш. аҵра иазкны. 1910-тәи ашықәс заԥхьаҟа иҭҵааҩхараны иҟаз ауаҩы изы ирҿиаратә усура иасакьаҳәамҭаны иҟалеит. Иусумҭақәа ркьыԥхьуан кавказтәи аҭыжьырҭақәа рыҟны: «Кавказтәи атәылаҿацә», «Кавказтәи ашьыжь», «Ҟәыбантәи атәылаҿацә», «Кавказтәи абжьныҩра», «Ҟәбантәи ашкол»; иара икорреспонденциақәа акьыԥхь рбон агазеҭ «Аҟәатәи адырраҭаҩ» аҟны. Басариа активла аус иуан егьи амшынеиқәатә газеҭ - «Баҭымтәи адырраҭаҩ» аҟынгьы.Ӡиӡариа, 1984, ад. 3—5. 1917 ш. жәабрантәи ареволиуциа анаҩс С. П. Басариа Армавиртәи ауаажәларратә шәарҭадаратә еилак алахәылас далхын. Иара убри ашықәсан, нанҳәамзазы, Аԥсныҟа диасит. Аҟәа Басариа дизааигәахеит Асланбек Шерипов, ижәлар рмилаҭтә еиҭеира аидеиақәа зҿлымҳара риҭо далагеит, абуржуазиа-аамсҭатә еиҿкаарақәа Зҽеидызкылаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа реидгылеи Аԥсны жәлар рсовети (АНС) - Симон Басариа напхгара зиҭоз Ашьхарыуа жәлар Реидгыла амчра аҭыԥантәи аусбарҭа игәыӷрақәа рыдҳәало. Аха иаарласны иполитикатә хәаԥшышьа аҿаԥсахит, абуржуазиа-меньшивиктә диктатура даҿагыланы дықәгыло далагеит, Асоветгьы далҵит. Жәабранмза 1918 ш. рзы Аҟәа Асовет мчра ашьақәыргылара ианалага, иара Арра-револиуциатә еилакы далалеит. Ахах ара имгакәа ҩаԥхьа Нхыҵ-Кавказҟа дцеит. Аԥсныҟа Басариа дхынҳәит 1920 ш. ԥхынҷкәынмзазы, убри аан ақырҭуа мчрақәа иара ихынҳәра иазкны иаԥырҵаз аҭагылазаашьа иахҟьаны, аполитикатә усура активла аҽалархәразы алшара имамызт.Ӡиӡариа, 1984, ад. 15. Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь С. П. Басариа Аҵаралашаразы жәлар ркомиссариат асистемаҟны анапхгаратә усура инапы ианҵан. Уи адгылара риҭеит 1921 ш. хәажәкырамза 31 рзы Ихьыԥшым Асовет Социалисттә Республика ҳәа рылазҳәаз Аԥсны амилаҭ-ҳәынҭқарратә еиҿкаараҟны абольшевикцәа иҟарҵоз раԥхьатәи ашьаҿақәа. Аха 1921 ш. абҵарамза 16 рзы, РКП (б) Ацентр комитет Кавбиуро иаднакылаз ақәҵарала «аекономикалеи аполитикалеи ихьыԥшым Аԥсны ҳәа аҟалара шҵаҵӷәыдоу» азханаҵеит. Ас еиԥш аӡбамҭа шьаҭас иаман 1921 ш. ԥхынҷкәынмзазы Қырҭтәылатәи ССРи Аԥсны ССР Аԥсни рыбжьара изҵаҩыз аидгыларатә Еиқәшаҳаҭра, абри ала ареспубликақәа еидҵан афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаны. Аԥснытәи Асоветқәа I реизара ду аделегат даныҟаз Симон Пиотр-иԥа ареспубликақәа реидҵара даҿагыланы дықәгылеит, аԥхьаҟагьы Аԥсни Қырҭтәылеи рполитикатә еизааигәатәра даҿагылон есқьынгьы. Ари Аԥсны хаз ҳәынҭқарраны аҟаларазы ашәарҭара иадибалон, аԥсуаа ретнокультуратә хаҿра аиқәырхаразы ишәарҭан, ас еиԥш аизааигәахара ареспублика аетнодемографиатә баланс иаԥырхагоу, иҽеим афактор аҳасабала дахәаԥшуан. Симон Басариа амчра ахаҭарнакцәа акритика рызуа дықәгылон Аԥсны иазку ауадаҩрақәа рзы игәаанагара иақәымшәозар имҩаԥыргоз аусқәа. С. П. Басариа арҵаҩратә усура инапы алакын аҭоурых-етнографиатә тәылаҿацәҭҵааратә ԥшаарақәа еилагӡаны. 1923 ш. рзы иҭыҵит авторс дызмаз аԥсуаҭҵааратә усумҭа хада - «Аԥсны агеографиа, аетнографиа, аекономика инадҳәаланы». Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Симон Басариа аус иуан Қырҭтәыла арҵаҩцәа русура аиӷьтәразы Аинститут аԥсуа филиал адиректорс. 1937 ш. жьҭаарамзазы аҟәатәи агазеҭ «Советская Абхазия» аҟны ицәырҵит астатиа Симон Басариа абуржуазиатә национализм азы ахара идҵара иазкыз. 1941 ш. цәыббрамзазы иара аара идҵан «изинтәым аконтрреволиуциатә милаҭ-соцалисттә еиҿкаара» иалоу, аидеолог хада ироль иҭаны. Қырҭтәыла НКВД Арратә трибунал иаркыз аилатәараҿы С. П. Басариа иреиҳаӡоу ахара идҵан, даршьит 1942 ш. лаҵарамза 27 рзы. Ареабилитациа иуын СССР Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа арратә коллегиала 1958 ш. нанҳәамза 7 рзы. Алитература Азхьарԥшқәа Азгәаҭақәа Акатегориа:1884 шықәсазы ииз Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 8 рзы ииз Акатегориа:1942 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Лаҵарамза 27 рзы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа Акатегориа:Басариаа
37343
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсуа_ҳәынҭқарратә_драматә_театр
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр
[[Афаил:Абхазский драмтеатр - panoramio.jpg|thumb|Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр|320x320пкс]] '''Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр''' — Аԥсны иахьаҵанакуа ихадоу [[Адраматә театр|драматә театруп]], раԥхьатәи аԥсуа драматург [[Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа|Самсон Иаков-иԥа Ҷанба]] ихьӡ ахуп. Уи ихьӡ ахҵан [[1967]] шықәсазы. Атеатр [[Аҟәа]] агәаны игылоуп.<ref>{{Cite web |url=https://mkra.org/%D1%83%D1%87%D1%80%D0%B5%D0%B6%D0%B4%D0%B5%D0%BD%D0%B8%D1%8F/%D1%82%D0%B5%D0%B0%D1%82%D1%80%D1%8B |title=ТЕАТРЫ |access-date=2023-11-24 |archive-date=2021-12-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211229065828/https://mkra.org/%D1%83%D1%87%D1%80%D0%B5%D0%B6%D0%B4%D0%B5%D0%BD%D0%B8%D1%8F/%D1%82%D0%B5%D0%B0%D1%82%D1%80%D1%8B |url-status=dead }}</ref> ==Аԥсуа театр аԥҵара аҭоурых== Аԥсуа театртә культура ахыҵхырҭақәа аауеит – жәлар рыхәмаррақәа, рҵасқәа, ажәала еимырдоз аҟазарақәа – ахьӡыртәрақәеи аскетчқәеи реиԥш иҟаз раԥҵара аамҭа инаркны. [[1915]] шықәсазы Аҟәа иқәдыргылон абзиабаратә спектакльқәа. [[1918]] шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны ашәҟәыҩҩы [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Д. Гәлиа]] иаԥиҵоит алитература-драматә кружок. Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ([[1921]]) Д. Гәлиа инапхгарала аусура иалагеит атеатртә труппа. [[1928]] шықәсазы иаартын Аҟәатәи атеатр аԥсуа сектор. [[1930]] шықәсазы Аҟәа аԥсуа драматә студиа ашьаҭала иаартын [[Аԥсуа милаҭтә театр]]. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы атеатр арепертуар амилаҭтә драматургиа ала ихаҭәааит (С. Ҷанба, В. Агрба, [[Ԥачалиа, Шәарах Абзагә-иԥа|Шә. ԥачалиа]] – адраматургцәа). Атеатр аҟны иқәдыргылон аклассикатә драматургиагьы (У. Шекспир, Н. Гоголь, М. Горки). Атеатр аусумҭақәа рыбжьара иҟан: «Анаурқәа» Д. Гәлиа, «Данаҟаи» М. Лакрба, «Иреиӷьу сроль» М. Лакрбеи В. Крахти, «Амра агыламҭаз» Г. Габуниа… [[1967]] шықәсазы атеатр Самсон Ҷанба ихьӡ ахырҵеит. Дырмит Гәлиа Аҟәа, [[Шьаҟрыл, Платон|Платон Шьаҟрыл]] Очамчыра асоветтә мчра шьақәгылаанӡа напхгара зырҭоз атеатртә коллективқәа, Қырҭтәыла аменшевиктә еиҳабыра рганахь ала ақәымчра шрымазгьы, аус руан. Аха, Асовет мчра анышьақәгыла аԥсуа советтә театр адунеитә театртә культура атрадициақәа зегьы ирықәныҟәо, аҟазарахь ахатәымҩа ылнаго иалагеит. Асценаҟны ицәырган афырхаҵара, аԥсуаа рдоуҳа, алаф ахь рыбзиабара аазырԥшуаз аԥҵамҭақәа. Атеатр иалшаз рацәоуп аԥсуа милаҭтә драматургиа аҿиаразы. Уи арепертуар шьақәгылан Д. Гәлиа, С. Ҷанба, Ӡ. Дарсалиа, Мҭы Ақаҩба, М. Лакрба, Гь. Гәлиа, В. Агрба, Қь. Агәмаа, А. Лашәриаа, Шә. ԥачалиа, Шь. Ҷкадуа, Р. Џьопуа, Н. Ҭарԥҳа, А. Гогәуа, Шь. Сангәлиа, Џь. Аҳәба, Шь. Басариа, Гь. Гәыблиа, А. Мықәба, Шь. Аџьынџьал, А. Аргәын, М. Чамагәуа рҩымҭақәа рыла. Аԥсуа театр аҿиара даара иџьабаа адуп ауаажәларратә усзуҩы, арҵаҩы К. Ӡиӡариа. Иара иоуп раԥхьатәи адраматә студиа еиҿызкаазгьы. Иҳәатәуп атеатр аҿиара рџьабаа шаду аӡәырҩы адраматургцәа реиԥш, арежиссиорцәа, акомпозиторцәа, асахьаҭыхҩцәа. Урҭ рыбжьара аҭыԥ ду ааныркылоит арежиссиор В. Домогаров, уи иҵаҩцәа – аԥсуа милаҭтә режессура ашьаҭаркыҩцәа Азиз Агрба, Шәарах ԥачалиа, Кадыр Карал-оӷлы. [[1970-1979|70-тәи ашықәсқәа]] рзы атеатр ахь иааит аҟазара ду злаз арежиссиорцәа, Москва, Ленинград, Қарҭ аҵарақәа ирылгаз – Нелли Ешба, Дмитри Кәартаа, Михаил Мархолиа, Хәыта Џьопуа, Николаи Чқәан, Валери Ақаҩба, Н. Мықәба уҳәа. Аԥсуа сцена аиҳабыратә абиԥара актиорцәа ирхыҽхәартә иҟоуп – Шәарах ԥачалиа, Азиз Агрба, Леуарсан Касланӡиа, Разанбеи Агрба, Екатерина Шьыкырба, Анна Аргәын-Коношок, Минадора Зыхәба, Марица ԥачлиа, Мҭы Ақаҩба, Иван Кокосқьыр, Џьарнас Амқәаб, Самсон Кобахиа, Вера Дбар. Урҭ зегьы Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистцәа ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵан. Аԥсуа профессиналтә театр иааҵагылеит акыр аҟазара злаз актиор қәыԥшцәа, урҭ рыбжьара Нурбеи Камкиа, Софа Агәмаа, Еҭери Коӷониа, Шьалуа Гыцба, Чынчор Џьениа, Виолетта Маан, Амиран Ҭаниа, Олег Лагәлаа, иара убасгьы Алексеи Ермолов, Сергеи Сақаниа, Рушьни Џьопуа, Леонид Аҩӡба, Нелли Лакоба, Заира Амқәаб-Ермолова, Мажара Зыхәба, Л. Гыцба, З. Ҷанба, С. Габниа уҳәа егьырҭгьы. Аԥсуа театр актиорцәа рыла ихаҭәаауан – Г. Ҭарба, С. Сангәлиа, А. Дауҭиа, Т. Гамгиа, Ҭ. Чамагәуа, Р. Дбар, Кь. Ҳагба, Т. Аҩӡба, И. Коӷониа, Р. Сабуа, Л. Уанаҿа, Е. Коӷониа, С. Наҷҟьебиа, Л. Ахба, В. Арӡынба, М. Џьыкрба уҳәа егь.<ref>https://radushozyeva.ru/afisha/item/50-abkhazskij-gosudarstvennyj-dramaticheskij-teatr-im-samsona-chanba</ref> ===Аԥсуа театр XX ашәышықәсазы аҿиара, атеатр 20–40-тәи ашықәсқәа рзы=== Аҩажәатәии ҩанҩажәатәии ашықәсқәа рзы Аԥсуа театр азы ԥшааратә шықәсқәан. Усҟан иқәдыргылоз еиуеиԥшым аамҭа иаҵанакуаз, адунеихәаԥшра, амилаҭра аазырԥшуаз аспектакльқәа ракәын, хыхь ишҳәоу еиԥш, акыр азхьаԥшра аман амилаҭтә драматургиа, ахәаԥшыҩгьы асцена аҟны иара иацтәи, иахьатәи, уаҵәтәи иԥсҭазаара абара дазгәышьуан. Убас ауп атеатр арепертуар аҟны аҭыԥ ду шааныркылаз еицырдыруа аԥсуа прозаик, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы Самсон Ҷынба ипиесақәа ирылхыз «Аԥсны – ҳаным», «Кьараз» аспектакльқәа. Урҭ инарываргыланы атеатр аҟны иддырбон адраматургцәа: Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», П. Шьаҟрыл «Алашьцараҿы», М. Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», В. Агрба «Лыхнытәи ақәгылара», Гь. Гәлиа «66-тәи ашықәс», М. Лакрба «Сабыда игәаҩара» реиԥш иҟаз аспектакльқәа. Иара убарҭ ашықәсқәа рзы аԥсуа сцена аҟны иқәыргылан Н. Гоголь «Ревизор», А. Островски «Доходное место», Лопе де Вега «Овечий источник», А. Корнеичук «Гибель эскадры», урҭ зегьы ахәаԥшҩы даара игәарԥханы идикылеит. Март мза 1941 шықәсазы, атеатр аҟны иқәыргылан Шекспир итрагедиа «Отелло», Отелло ироль наигӡеит Леуарса Касланӡиа, Иаго ироль – Шәарах ԥачалиа, Дездемона лроль – Анна Аргәын-Коношок. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан атеатр афырхаҵа-романтикатә спектакльқәа раԥҵара иазкын, усҟан иқәыргылан аԥсуа нхацәа рфырхаҵара аазырԥшуаз Гь. Гәлиа ипиеса «Скала героя» (1943), Қь. Агәмаа ипиеса иалхыз аспектакль «Адгьыл ду» (1945). Иара убарҭ ашықәсқәа рзы атеатр иқәнаргылеит акомедиатә спектакльқәагьы. Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы иқәыргылан ауаԥс драматург М. Шавлохов иҩымҭа иалхыз аспектакль «Жених», А. Цагарели «Ханума», Н. Миқаа «Любовь актрисы». Ус шакәызгьы, афырхаҵара атема Аԥсуа театр еснагь ауаа аднаԥхьалон, урҭ аарԥшын аспектакльқәа Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», С. Ҷанба «Амҳаџьыр» рҟны. 1947 шықәсазы атеатр аҟны арежиссиор Шә.ԥачалиа иқәиргылеит Шиллер идрама «Коварство и любовь». Ҩынҩажәатәи ашықәсқәа раан атеатр иқәнаргылоит аспектакльқәа: «Искренняя любовь» А. Лашәриа, «Проделки Скалена» Молиер, «Анаурқәа» Д. Гәлиа, «Салуман» Шә. ԥачалиа, «Люди доброй воли» Г.Мдивани, «Честь семьи» Г. Мухтаров уҳәа егь. Аколлектив изныкымкәа аԥсадгьыл, абзиабара, аибашьра уҳәа реиԥш иҟаз атемақәа ирызхьаԥшуан, аԥсҭазаара иаҟәыганы ахааназгьы иҟамызт.<ref>https://www.kino-teatr.ru/teatr/226/</ref> ===Атеатр 50–60-тәи ашықәсқәа рзы=== 1954 шықәсазы атеатр Нхыҵ-Кавказҟа агострольқәа аманы ицеит. Уи ақәгыларақәа мҩаԥнагеит Черкессктәи автономтә област аҟны. Уа ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны атеатр даара ибзианы, аԥхарра аҵаны ирыдыркылеит. Агострольқәа рҟынтә ианыгьежь анаҩс аспектакль ҿыцқәа ықәыргылан, асценатә ԥсҭазаара аиуеит аспектакль «Гәында» Шә.ԥачалиа, «Аескадра аҭахара» А.Корнеичук, аҭоурыхтә драма «Асас еиқәаҵәақәа» Гь.Гәлиа. Октиабртәи ареволиуциа 40 шықәса ахыҵра азы имҩаԥган аспектакль «Кремлёвские куранты» аӡыргара, арежиссиор Азиз Агрба. Ленин ироль наигӡеит Аԥснытәи АССР жәлар рартист Р. Агрба. 1957 шықәсазы Аԥсуа театр алахәын Қарҭ имҩаԥгаз аԥсуа литературеи аҟазареи р-Декада. Қәҿиарала имҩаԥгаз арҭ агострольқәа рнаҩс атеатр аусура иацнаҵоит, 1958 шықәса иалагӡаны иқәыргылан аспектакль ҿыцқәа: Воинович «Буря», Джакометти «Ацәгьоуҩы иҭаацәа», А. Хәаҭланӡиеи Х. Џьопуеи «Аҩны №12», С. Ҷанбеи В. Агрбеи «Аиааира». 1959 шықәсазы Г. Судикашвили аԥсуа театр аҟны иқәиргылоит аспектакль «Медеиа», Медеиа лроль дыхәмарит Минадора Зыхәба, Иазон ироль – Шә.ԥачалиа. Атеатр азын 60-тәи ашықәсқәа даара ҟазарыла ибеиан. Атеатр акымкәа аспектакль ҿыцқәа ҭнажьуеит, урҭ режиссиорс дрыман Нелли Ешба. Дара рыбжьара «Анаурқәа» Д. Гәлиа, «Такая любовь» П. Когоут, «Ҳаамҭазтәи атрагедиа» Р. Ебралиӡе, «Аҳ ҟьантаз» Е. Шварц, «Иван-аԥсуа» М. Чамагәуа, «Ашәа аԥҵара мариам» Н. Ҭарԥҳа. Арҭ аспектакльқәа даҟьа ҿыцхеит аԥсуа жәлар ртеартә ҟазара аҟны. Арҭ ашықәсқәа беиан аԥсуа милаҭтә драматургиа аспектакльқәа рыла: «Ажәҩанцқьа» Ш. Басариа, «Ашьарсҭеи» «Ажәеиԥшьаа рыԥҳаи» Р. Џьопуа, «Аԥсҿыхра» Џь. Аҳәба, «Ашамҭазы» А. Лагәлаа уҳәа егь. Атеатр аҟны иқәыргылан Хәыта Џьопуеи Азиз Агрбеи режиссиорцәаз измаз аиҭагамҭақәагьы. 1967 шықәсазы Аԥсуа театр аҟны раԥхьаӡа акәны ицәырҵуеит Б. Брехт идраматургиа, арежиссир қәыԥш М. Мархолиа иқәиргылоит аспектакль «Господин Пунтила и его слуга Матти».<ref>http://apsny.ru/culture/theater.php</ref> ===Атеатр 70-тәи ашықәсқәа рзы=== Аԥсуа театр аҭоурых азы акраҵанакуан Қарҭи (1971), анаҩс 1972 шықәсазы Украинеи имҩаԥгаз агастрольқәа. 1973 шықәсазы атеатр арежиссиор хада Нелли Ешба лнапхгарала агастрольқәа мҩаԥган Москва, уа идырбан «Ахра ашәа» Б. Шьынқәба, «Дон Карлос» Шиллер, «Аԥҳәыс лыпату» И. Папасқьыр, «Асҭыԥҳа» А. Островски, «Абна ашәа» Л. Украинка. 1973–1974-тәи атеатралтә сезон азы атеатр арежиссиор хадас дҟалоит Дмитри Кәартаа. 1974 ш. инаркны 1976 шықәсанӡа атеатр ахәаԥшыҩцәа иднарбеит абарҭ аспектакльқәа: «Абираҟ шкәакәақәа» Н. Думбаӡе, «Трамвай "Желание"» Т. Уилиамс, «Алоу дгәаауеит» Шь. Ҷкадуа, «Мазлоу зегьы злоу» Шә. ԥачалиа, «Антигона» Ж. Ануи уҳәа егь… 1970-тәи ашықәсқәа рзы атеатр акыр аинтерес зҵоу аспектакльқәа ықәнаргылеит, урҭ рыбжьара: «Шәара уа ишышәҭаху…» Б. Шьынқәба, «Апремиа» А. Гельман, «Аӡыхь абжьы» Шь. Аџьынџьал, «Амра аԥҳа» Н. Ҭарԥҳа, «Електра» Софокл, «Акьанџьа» Шь. Ҷкадуа уҳәа ирацәаны. 1979 шықәсазы имҩаԥысит аболгар драматург С. Стратиев иҩымҭа иалхыз аспектакль «Замшевый пиджак» аӡыргара. ===Аԥсуа театр 80-тәи ашықәсқәа рзы=== ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа театри аҳәаанырцәтәи аколлегацәеи аиҿцаара иаԥшьыргеит. Убас, ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы атеатр ахь Аҟәаҟа ааԥхьара рыҭан Словакиатәи ақәыргыларатә гәыԥ. Уи иабзоураны еицырдыруа словакиатәи арежиссиор Милан Бобул Аԥсны атеатр асценаҟны иқәиргылеит И. Буковчан ипиеса «Очевидец». Уи аҭакс аԥсуа режиссиор Д. Кәартаа Кошицатәи амилаҭтә театр аҟны иқәиргылеит А. Аргәын идрама «Имыцәааит схәышҭара амца». Аамҭак анаҩс Аԥсуа театр асценаҟны иқәгылеит асловакцәа ртеатр. ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы ихҭыс духеит атеатр аколлектив аҳәынҭқарра аҟынтә иаиуз аҳамҭа – «Аҳаҭыртә дырга» аорден. Ари аамҭазы атеатр асценаҟны иқәыргылан аспектакльқәа: «Амза амҵарсра» К. Гамсахәырдиа, «Ашәалҟьа» Р. Џьопуа, «Ашьхақәа амшын ахь иԥшуеит» А. Аргәын, «Амра ихароу ашәахәақәа» Е. Сым-сым. Аамҭак азы ареспублика атеатралтә ԥсҭазаараҟны аҭыԥ змаз аԥсшьара анаҩс, ахәаԥшҩы ирбан аспектакль ҿыц «Аҳ Лир» – автор У. Шекспир. Аспектакль аҟны аҳ Лир ироль наигӡеит СССР жәлар рартист Шәарах ԥачалиа, ахәаԥшыҩцәа ари аспектакль гәахәара дула ирыдыркылеит. Насгьы, ари аспектакль Асовет Еидгылазегьтәи Шекспир ифестиваль аҟны иреиӷьыз ҳәа иалкаан, уи мҩаԥысит Ермантәыла, Ереван ақалақь аҟны. Анаҩс аспектакль дырбан Адыгатәылан, Маиҟәаԥ. М. Мархолиа, В. Ақаҩба, А. Мықәба режисиорцәас измаз аспектакльқәа зегьы ирныԥшуан ауаа рлахьынҵақәа реидыслара, ауаажәларра рыԥсҭазаара, ажәлар имԥсуа рдоуҳа. 80-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы атеатр аԥсуа ԥсҭазаара иазыхынҳәуеит, асценаҿы иқәыргылан: «Апортфель шкәакәа» Шь. Аџьынџьал, «Аҳ Леон Актәи» Аз. Агрба, 1986 шықәсазы «Ацынҵәарах» Б. Шьынқәба. Иҳәатәуп Аԥсуа театр асценатә политра даара ишбеиоу, уи зыбзоуроу адунеитә драматургиа аԥсшәахь еиҭазгоз Михаил Гочуа, Платон Шьаҟрыл, Иасон Ҷоҷуа, Шәарах ԥачалиа, Азиз Агрба, Никәала Кәыҵниа, Џьума Аҳәба, Нелли Ҭарԥҳа, Еҭери Коӷониа, Геннади Аламиа, Алықьса Аргәын, Владимир Ҵнариа уҳәа реиԥш иҟаз шракәу. Октиабртәи ареволиуциа 70 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы атеатр асценаҟны иқәыргылан Шь. Аџьынџьал иҩымҭа иалхыз аспектакль «Март ԥшьба». ===Аԥсуа театр иахьатәи аамҭазы=== Аԥсуа театр аҟазара милаҭрацәала еилаԥсоу ахәаԥшҩы игәахьы еснагь амҩа аԥшаауан. Аԥсуа театр акыршықәса ихьчаны иаанагоит иара ахатәы сахьаркыратә мчы, аамҭа иақәшәо атематика. Акыр иуадаҩыз аамҭақәа ишырхысызгьы, иахьагьы Аԥсуа театр – Кавказ ахьынӡанаӡааӡо зегьы иреиӷьу профессионалтә коллективуп, иара аԥсуа драматургцәа раԥҵамҭақәа рнаҩсгьы ахәаԥшыҩцәа ирыднагалоит адунеитә классика адраматургиа. Аԥсуа драматә театр иахьатәи арепертуар аилазаараҿы иҟоуп: «Махаз» Ф. Искандер, «Гәараԥаа рписар» М. Бӷажәба, «Аҽшьҩы» Н. Ердман, «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» Педро Кальдерон де ла Барка, «Иули Цезар» Шекспир, «Қьоџьаа рҭыӡшәа» Гольдони уҳәа реиԥш иҟоу аспектакльқәа.<ref>http://apsnyteka.org/file/abkhazsky_teatr_1973.pdf</ref> ==Аԥсуа драматә театр ахыбра аҭоурых== Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр зыҩноу ахыбра аҭоурыхгьы даара аинтерес аҵоуп. 1912 шықәсазы ари ахыбра ахьгылоу аҭыԥ аҟны аҭуџьар Иоким Алоизи иргылоит асасааирҭа «Гранд-отель», 30-ҭыԥ змаз, насгьы 670 ҭыԥ змаз атеатр. 1921 шықәсазы асасааирҭа ахьӡ ԥсахны «Бзыԥ» ҳәа ахьыӡҵан, атеатр акәзар, Аԥсны аҳәынҭқарратә театр ҳәа ахьӡ ахҵан. 1942 шықәсазы арҭ аҩхыбракгьы блит. 1952 шықәсазы иблыз рхаҭыԥан, архитектор [[Михаил Чхикваӡе|М. Чхикваӡе]] ипроект ала, атеатр ргылан. Уи аҩналарҭа хада аҟны иқәыргылоуп аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы, еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Самсон Ҷанба ибиуст. ==Ахархәара змоу алитература== * {{Ашәҟәы|Ашықәс=1957|Ажәла=Лакербаи|Ахьӡ=Михаил|Астатиа ахьӡ=Очерки истории абхазского театрального искусства|Ақалақь=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Абгосиздат}} * {{Ашәҟәы|Ашықәс=1978|Ажәла=Аргун|Ахьӡ=Алықьса|Астатиа ахьӡ=История абхазского театра|Ақалақь=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Алашара}} * {{Ашәҟәы|Ашықәс=2001|Ажәла=Аргун|Ахьӡ=Алықьса|Астатиа ахьӡ=Театр абхазов конца ХХ века|Ақалақь=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Алашара}} ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр| ]] [[Акатегориа:Аҟәа ақалақь атеатрқәа]]
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр — Аԥсны иахьаҵанакуа ихадоу драматә театруп, раԥхьатәи аԥсуа драматург Самсон Иаков-иԥа Ҷанба ихьӡ ахуп. Уи ихьӡ ахҵан 1967 шықәсазы. Атеатр Аҟәа агәаны игылоуп. Аԥсуа театр аԥҵара аҭоурых Аԥсуа театртә культура ахыҵхырҭақәа аауеит – жәлар рыхәмаррақәа, рҵасқәа, ажәала еимырдоз аҟазарақәа – ахьӡыртәрақәеи аскетчқәеи реиԥш иҟаз раԥҵара аамҭа инаркны. 1915 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылон абзиабаратә спектакльқәа. 1918 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны ашәҟәыҩҩы Д. Гәлиа иаԥиҵоит алитература-драматә кружок. Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь (1921) Д. Гәлиа инапхгарала аусура иалагеит атеатртә труппа. 1928 шықәсазы иаартын Аҟәатәи атеатр аԥсуа сектор. 1930 шықәсазы Аҟәа аԥсуа драматә студиа ашьаҭала иаартын Аԥсуа милаҭтә театр. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы атеатр арепертуар амилаҭтә драматургиа ала ихаҭәааит (С. Ҷанба, В. Агрба, Шә. ԥачалиа – адраматургцәа). Атеатр аҟны иқәдыргылон аклассикатә драматургиагьы (У. Шекспир, Н. Гоголь, М. Горки). Атеатр аусумҭақәа рыбжьара иҟан: «Анаурқәа» Д. Гәлиа, «Данаҟаи» М. Лакрба, «Иреиӷьу сроль» М. Лакрбеи В. Крахти, «Амра агыламҭаз» Г. Габуниа… 1967 шықәсазы атеатр Самсон Ҷанба ихьӡ ахырҵеит. Дырмит Гәлиа Аҟәа, Платон Шьаҟрыл Очамчыра асоветтә мчра шьақәгылаанӡа напхгара зырҭоз атеатртә коллективқәа, Қырҭтәыла аменшевиктә еиҳабыра рганахь ала ақәымчра шрымазгьы, аус руан. Аха, Асовет мчра анышьақәгыла аԥсуа советтә театр адунеитә театртә культура атрадициақәа зегьы ирықәныҟәо, аҟазарахь ахатәымҩа ылнаго иалагеит. Асценаҟны ицәырган афырхаҵара, аԥсуаа рдоуҳа, алаф ахь рыбзиабара аазырԥшуаз аԥҵамҭақәа. Атеатр иалшаз рацәоуп аԥсуа милаҭтә драматургиа аҿиаразы. Уи арепертуар шьақәгылан Д. Гәлиа, С. Ҷанба, Ӡ. Дарсалиа, Мҭы Ақаҩба, М. Лакрба, Гь. Гәлиа, В. Агрба, Қь. Агәмаа, А. Лашәриаа, Шә. ԥачалиа, Шь. Ҷкадуа, Р. Џьопуа, Н. Ҭарԥҳа, А. Гогәуа, Шь. Сангәлиа, Џь. Аҳәба, Шь. Басариа, Гь. Гәыблиа, А. Мықәба, Шь. Аџьынџьал, А. Аргәын, М. Чамагәуа рҩымҭақәа рыла. Аԥсуа театр аҿиара даара иџьабаа адуп ауаажәларратә усзуҩы, арҵаҩы К. Ӡиӡариа. Иара иоуп раԥхьатәи адраматә студиа еиҿызкаазгьы. Иҳәатәуп атеатр аҿиара рџьабаа шаду аӡәырҩы адраматургцәа реиԥш, арежиссиорцәа, акомпозиторцәа, асахьаҭыхҩцәа. Урҭ рыбжьара аҭыԥ ду ааныркылоит арежиссиор В. Домогаров, уи иҵаҩцәа – аԥсуа милаҭтә режессура ашьаҭаркыҩцәа Азиз Агрба, Шәарах ԥачалиа, Кадыр Карал-оӷлы. 70-тәи ашықәсқәа рзы атеатр ахь иааит аҟазара ду злаз арежиссиорцәа, Москва, Ленинград, Қарҭ аҵарақәа ирылгаз – Нелли Ешба, Дмитри Кәартаа, Михаил Мархолиа, Хәыта Џьопуа, Николаи Чқәан, Валери Ақаҩба, Н. Мықәба уҳәа. Аԥсуа сцена аиҳабыратә абиԥара актиорцәа ирхыҽхәартә иҟоуп – Шәарах ԥачалиа, Азиз Агрба, Леуарсан Касланӡиа, Разанбеи Агрба, Екатерина Шьыкырба, Анна Аргәын-Коношок, Минадора Зыхәба, Марица ԥачлиа, Мҭы Ақаҩба, Иван Кокосқьыр, Џьарнас Амқәаб, Самсон Кобахиа, Вера Дбар. Урҭ зегьы Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистцәа ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵан. Аԥсуа профессиналтә театр иааҵагылеит акыр аҟазара злаз актиор қәыԥшцәа, урҭ рыбжьара Нурбеи Камкиа, Софа Агәмаа, Еҭери Коӷониа, Шьалуа Гыцба, Чынчор Џьениа, Виолетта Маан, Амиран Ҭаниа, Олег Лагәлаа, иара убасгьы Алексеи Ермолов, Сергеи Сақаниа, Рушьни Џьопуа, Леонид Аҩӡба, Нелли Лакоба, Заира Амқәаб-Ермолова, Мажара Зыхәба, Л. Гыцба, З. Ҷанба, С. Габниа уҳәа егьырҭгьы. Аԥсуа театр актиорцәа рыла ихаҭәаауан – Г. Ҭарба, С. Сангәлиа, А. Дауҭиа, Т. Гамгиа, Ҭ. Чамагәуа, Р. Дбар, Кь. Ҳагба, Т. Аҩӡба, И. Коӷониа, Р. Сабуа, Л. Уанаҿа, Е. Коӷониа, С. Наҷҟьебиа, Л. Ахба, В. Арӡынба, М. Џьыкрба уҳәа егь.https://radushozyeva.ru/afisha/item/50-abkhazskij-gosudarstvennyj-dramaticheskij-teatr-im-samsona-chanba Аԥсуа театр XX ашәышықәсазы аҿиара, атеатр 20–40-тәи ашықәсқәа рзы Аҩажәатәии ҩанҩажәатәии ашықәсқәа рзы Аԥсуа театр азы ԥшааратә шықәсқәан. Усҟан иқәдыргылоз еиуеиԥшым аамҭа иаҵанакуаз, адунеихәаԥшра, амилаҭра аазырԥшуаз аспектакльқәа ракәын, хыхь ишҳәоу еиԥш, акыр азхьаԥшра аман амилаҭтә драматургиа, ахәаԥшыҩгьы асцена аҟны иара иацтәи, иахьатәи, уаҵәтәи иԥсҭазаара абара дазгәышьуан. Убас ауп атеатр арепертуар аҟны аҭыԥ ду шааныркылаз еицырдыруа аԥсуа прозаик, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы Самсон Ҷынба ипиесақәа ирылхыз «Аԥсны – ҳаным», «Кьараз» аспектакльқәа. Урҭ инарываргыланы атеатр аҟны иддырбон адраматургцәа: Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», П. Шьаҟрыл «Алашьцараҿы», М. Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», В. Агрба «Лыхнытәи ақәгылара», Гь. Гәлиа «66-тәи ашықәс», М. Лакрба «Сабыда игәаҩара» реиԥш иҟаз аспектакльқәа. Иара убарҭ ашықәсқәа рзы аԥсуа сцена аҟны иқәыргылан Н. Гоголь «Ревизор», А. Островски «Доходное место», Лопе де Вега «Овечий источник», А. Корнеичук «Гибель эскадры», урҭ зегьы ахәаԥшҩы даара игәарԥханы идикылеит. Март мза 1941 шықәсазы, атеатр аҟны иқәыргылан Шекспир итрагедиа «Отелло», Отелло ироль наигӡеит Леуарса Касланӡиа, Иаго ироль – Шәарах ԥачалиа, Дездемона лроль – Анна Аргәын-Коношок. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан атеатр афырхаҵа-романтикатә спектакльқәа раԥҵара иазкын, усҟан иқәыргылан аԥсуа нхацәа рфырхаҵара аазырԥшуаз Гь. Гәлиа ипиеса «Скала героя» (1943), Қь. Агәмаа ипиеса иалхыз аспектакль «Адгьыл ду» (1945). Иара убарҭ ашықәсқәа рзы атеатр иқәнаргылеит акомедиатә спектакльқәагьы. Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргылара 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы иқәыргылан ауаԥс драматург М. Шавлохов иҩымҭа иалхыз аспектакль «Жених», А. Цагарели «Ханума», Н. Миқаа «Любовь актрисы». Ус шакәызгьы, афырхаҵара атема Аԥсуа театр еснагь ауаа аднаԥхьалон, урҭ аарԥшын аспектакльқәа Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», С. Ҷанба «Амҳаџьыр» рҟны. 1947 шықәсазы атеатр аҟны арежиссиор Шә.ԥачалиа иқәиргылеит Шиллер идрама «Коварство и любовь». Ҩынҩажәатәи ашықәсқәа раан атеатр иқәнаргылоит аспектакльқәа: «Искренняя любовь» А. Лашәриа, «Проделки Скалена» Молиер, «Анаурқәа» Д. Гәлиа, «Салуман» Шә. ԥачалиа, «Люди доброй воли» Г.Мдивани, «Честь семьи» Г. Мухтаров уҳәа егь. Аколлектив изныкымкәа аԥсадгьыл, абзиабара, аибашьра уҳәа реиԥш иҟаз атемақәа ирызхьаԥшуан, аԥсҭазаара иаҟәыганы ахааназгьы иҟамызт.https://www.kino-teatr.ru/teatr/226/ Атеатр 50–60-тәи ашықәсқәа рзы 1954 шықәсазы атеатр Нхыҵ-Кавказҟа агострольқәа аманы ицеит. Уи ақәгыларақәа мҩаԥнагеит Черкессктәи автономтә област аҟны. Уа ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны атеатр даара ибзианы, аԥхарра аҵаны ирыдыркылеит. Агострольқәа рҟынтә ианыгьежь анаҩс аспектакль ҿыцқәа ықәыргылан, асценатә ԥсҭазаара аиуеит аспектакль «Гәында» Шә.ԥачалиа, «Аескадра аҭахара» А.Корнеичук, аҭоурыхтә драма «Асас еиқәаҵәақәа» Гь.Гәлиа. Октиабртәи ареволиуциа 40 шықәса ахыҵра азы имҩаԥган аспектакль «Кремлёвские куранты» аӡыргара, арежиссиор Азиз Агрба. Ленин ироль наигӡеит Аԥснытәи АССР жәлар рартист Р. Агрба. 1957 шықәсазы Аԥсуа театр алахәын Қарҭ имҩаԥгаз аԥсуа литературеи аҟазареи р-Декада. Қәҿиарала имҩаԥгаз арҭ агострольқәа рнаҩс атеатр аусура иацнаҵоит, 1958 шықәса иалагӡаны иқәыргылан аспектакль ҿыцқәа: Воинович «Буря», Джакометти «Ацәгьоуҩы иҭаацәа», А. Хәаҭланӡиеи Х. Џьопуеи «Аҩны №12», С. Ҷанбеи В. Агрбеи «Аиааира». 1959 шықәсазы Г. Судикашвили аԥсуа театр аҟны иқәиргылоит аспектакль «Медеиа», Медеиа лроль дыхәмарит Минадора Зыхәба, Иазон ироль – Шә.ԥачалиа. Атеатр азын 60-тәи ашықәсқәа даара ҟазарыла ибеиан. Атеатр акымкәа аспектакль ҿыцқәа ҭнажьуеит, урҭ режиссиорс дрыман Нелли Ешба. Дара рыбжьара «Анаурқәа» Д. Гәлиа, «Такая любовь» П. Когоут, «Ҳаамҭазтәи атрагедиа» Р. Ебралиӡе, «Аҳ ҟьантаз» Е. Шварц, «Иван-аԥсуа» М. Чамагәуа, «Ашәа аԥҵара мариам» Н. Ҭарԥҳа. Арҭ аспектакльқәа даҟьа ҿыцхеит аԥсуа жәлар ртеартә ҟазара аҟны. Арҭ ашықәсқәа беиан аԥсуа милаҭтә драматургиа аспектакльқәа рыла: «Ажәҩанцқьа» Ш. Басариа, «Ашьарсҭеи» «Ажәеиԥшьаа рыԥҳаи» Р. Џьопуа, «Аԥсҿыхра» Џь. Аҳәба, «Ашамҭазы» А. Лагәлаа уҳәа егь. Атеатр аҟны иқәыргылан Хәыта Џьопуеи Азиз Агрбеи режиссиорцәаз измаз аиҭагамҭақәагьы. 1967 шықәсазы Аԥсуа театр аҟны раԥхьаӡа акәны ицәырҵуеит Б. Брехт идраматургиа, арежиссир қәыԥш М. Мархолиа иқәиргылоит аспектакль «Господин Пунтила и его слуга Матти».http://apsny.ru/culture/theater.php Атеатр 70-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа театр аҭоурых азы акраҵанакуан Қарҭи (1971), анаҩс 1972 шықәсазы Украинеи имҩаԥгаз агастрольқәа. 1973 шықәсазы атеатр арежиссиор хада Нелли Ешба лнапхгарала агастрольқәа мҩаԥган Москва, уа идырбан «Ахра ашәа» Б. Шьынқәба, «Дон Карлос» Шиллер, «Аԥҳәыс лыпату» И. Папасқьыр, «Асҭыԥҳа» А. Островски, «Абна ашәа» Л. Украинка. 1973–1974-тәи атеатралтә сезон азы атеатр арежиссиор хадас дҟалоит Дмитри Кәартаа. 1974 ш. инаркны 1976 шықәсанӡа атеатр ахәаԥшыҩцәа иднарбеит абарҭ аспектакльқәа: «Абираҟ шкәакәақәа» Н. Думбаӡе, «Трамвай "Желание"» Т. Уилиамс, «Алоу дгәаауеит» Шь. Ҷкадуа, «Мазлоу зегьы злоу» Шә. ԥачалиа, «Антигона» Ж. Ануи уҳәа егь… 1970-тәи ашықәсқәа рзы атеатр акыр аинтерес зҵоу аспектакльқәа ықәнаргылеит, урҭ рыбжьара: «Шәара уа ишышәҭаху…» Б. Шьынқәба, «Апремиа» А. Гельман, «Аӡыхь абжьы» Шь. Аџьынџьал, «Амра аԥҳа» Н. Ҭарԥҳа, «Електра» Софокл, «Акьанџьа» Шь. Ҷкадуа уҳәа ирацәаны. 1979 шықәсазы имҩаԥысит аболгар драматург С. Стратиев иҩымҭа иалхыз аспектакль «Замшевый пиджак» аӡыргара. Аԥсуа театр 80-тәи ашықәсқәа рзы ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа театри аҳәаанырцәтәи аколлегацәеи аиҿцаара иаԥшьыргеит. Убас, ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы атеатр ахь Аҟәаҟа ааԥхьара рыҭан Словакиатәи ақәыргыларатә гәыԥ. Уи иабзоураны еицырдыруа словакиатәи арежиссиор Милан Бобул Аԥсны атеатр асценаҟны иқәиргылеит И. Буковчан ипиеса «Очевидец». Уи аҭакс аԥсуа режиссиор Д. Кәартаа Кошицатәи амилаҭтә театр аҟны иқәиргылеит А. Аргәын идрама «Имыцәааит схәышҭара амца». Аамҭак анаҩс Аԥсуа театр асценаҟны иқәгылеит асловакцәа ртеатр. ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы ихҭыс духеит атеатр аколлектив аҳәынҭқарра аҟынтә иаиуз аҳамҭа – «Аҳаҭыртә дырга» аорден. Ари аамҭазы атеатр асценаҟны иқәыргылан аспектакльқәа: «Амза амҵарсра» К. Гамсахәырдиа, «Ашәалҟьа» Р. Џьопуа, «Ашьхақәа амшын ахь иԥшуеит» А. Аргәын, «Амра ихароу ашәахәақәа» Е. Сым-сым. Аамҭак азы ареспублика атеатралтә ԥсҭазаараҟны аҭыԥ змаз аԥсшьара анаҩс, ахәаԥшҩы ирбан аспектакль ҿыц «Аҳ Лир» – автор У. Шекспир. Аспектакль аҟны аҳ Лир ироль наигӡеит СССР жәлар рартист Шәарах ԥачалиа, ахәаԥшыҩцәа ари аспектакль гәахәара дула ирыдыркылеит. Насгьы, ари аспектакль Асовет Еидгылазегьтәи Шекспир ифестиваль аҟны иреиӷьыз ҳәа иалкаан, уи мҩаԥысит Ермантәыла, Ереван ақалақь аҟны. Анаҩс аспектакль дырбан Адыгатәылан, Маиҟәаԥ. М. Мархолиа, В. Ақаҩба, А. Мықәба режисиорцәас измаз аспектакльқәа зегьы ирныԥшуан ауаа рлахьынҵақәа реидыслара, ауаажәларра рыԥсҭазаара, ажәлар имԥсуа рдоуҳа. 80-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы атеатр аԥсуа ԥсҭазаара иазыхынҳәуеит, асценаҿы иқәыргылан: «Апортфель шкәакәа» Шь. Аџьынџьал, «Аҳ Леон Актәи» Аз. Агрба, 1986 шықәсазы «Ацынҵәарах» Б. Шьынқәба. Иҳәатәуп Аԥсуа театр асценатә политра даара ишбеиоу, уи зыбзоуроу адунеитә драматургиа аԥсшәахь еиҭазгоз Михаил Гочуа, Платон Шьаҟрыл, Иасон Ҷоҷуа, Шәарах ԥачалиа, Азиз Агрба, Никәала Кәыҵниа, Џьума Аҳәба, Нелли Ҭарԥҳа, Еҭери Коӷониа, Геннади Аламиа, Алықьса Аргәын, Владимир Ҵнариа уҳәа реиԥш иҟаз шракәу. Октиабртәи ареволиуциа 70 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы атеатр асценаҟны иқәыргылан Шь. Аџьынџьал иҩымҭа иалхыз аспектакль «Март ԥшьба». Аԥсуа театр иахьатәи аамҭазы Аԥсуа театр аҟазара милаҭрацәала еилаԥсоу ахәаԥшҩы игәахьы еснагь амҩа аԥшаауан. Аԥсуа театр акыршықәса ихьчаны иаанагоит иара ахатәы сахьаркыратә мчы, аамҭа иақәшәо атематика. Акыр иуадаҩыз аамҭақәа ишырхысызгьы, иахьагьы Аԥсуа театр – Кавказ ахьынӡанаӡааӡо зегьы иреиӷьу профессионалтә коллективуп, иара аԥсуа драматургцәа раԥҵамҭақәа рнаҩсгьы ахәаԥшыҩцәа ирыднагалоит адунеитә классика адраматургиа. Аԥсуа драматә театр иахьатәи арепертуар аилазаараҿы иҟоуп: «Махаз» Ф. Искандер, «Гәараԥаа рписар» М. Бӷажәба, «Аҽшьҩы» Н. Ердман, «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» Педро Кальдерон де ла Барка, «Иули Цезар» Шекспир, «Қьоџьаа рҭыӡшәа» Гольдони уҳәа реиԥш иҟоу аспектакльқәа.http://apsnyteka.org/file/abkhazsky_teatr_1973.pdf Аԥсуа драматә театр ахыбра аҭоурых Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр зыҩноу ахыбра аҭоурыхгьы даара аинтерес аҵоуп. 1912 шықәсазы ари ахыбра ахьгылоу аҭыԥ аҟны аҭуџьар Иоким Алоизи иргылоит асасааирҭа «Гранд-отель», 30-ҭыԥ змаз, насгьы 670 ҭыԥ змаз атеатр. 1921 шықәсазы асасааирҭа ахьӡ ԥсахны «Бзыԥ» ҳәа ахьыӡҵан, атеатр акәзар, Аԥсны аҳәынҭқарратә театр ҳәа ахьӡ ахҵан. 1942 шықәсазы арҭ аҩхыбракгьы блит. 1952 шықәсазы иблыз рхаҭыԥан, архитектор М. Чхикваӡе ипроект ала, атеатр ргылан. Уи аҩналарҭа хада аҟны иқәыргылоуп аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы, еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Самсон Ҷанба ибиуст. Ахархәара змоу алитература Азгәаҭақәа Акатегориа:Аҟәа ақалақь атеатрқәа
37338
https://ab.wikipedia.org/wiki/Иналиԥа,_Шьалуа_Денис-иԥа
Иналиԥа, Шьалуа Денис-иԥа
{{Акарточка ауаҩы |ахьӡ=Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа |даҽа ахьӡ=Шалва Денисович Инал-Ипа |ани аби=Денис Инал-иԥа |аԥҳәыс=[[Хотелашвилии, Мира Константин-иԥҳа|Мира Константин-иԥҳа Хотелашвилии]] |ажәла=[[Инал-иԥа]] |амилаҭра=[[Аԥсуаа|Аԥсуа]] }} '''Шьалуа Денис-иԥа Иналиԥа''' ({{lang-ru|Шалва Денисович Инал-Ипа}}, {{lang-ka|შალვა დენისის ძე ინალ-იფა}}; {{date|20|10|1916}}, [[Гәыԥ]] ақыҭан — {{date|22|9|1995}}, [[Аҟәа]]) — иналукааша [[аҵарауаҩ]] ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, алитературеи рыҭҵаараҿы илагала даара идууп.<ref>http://spapsny.org/pisateli/inal-ipa-shalva-denisovich</ref> ==Инал-Иԥа инысмҩа== Шьалуа Денис-иԥа диит [[1916]] шықәса [[жьҭаарамза 20]] рзы, [[Очамчыра араион]] [[Гәыԥ]] ақыҭан. Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа – ажәытәӡантә иаауа аԥсуа ҭауад жәла [[Инал-иԥа]]цәа дырхылҵшьҭроуп. Иара ихаҭа ижәла аҩ-хәҭакгьы нбан дула акәын ишиҩуаз, уи дыршаҳаҭуеит ихьӡ зну адокументқәа зегьы. Убас акәын [[XIX ашәышықәса]]зы абри ажәла шанҵаз, [[Урыстәылатәи аимпериа]]тә еилазаара Инал-иԥацәа ргерб анышьақәдырӷәӷәоз: усҟангьы ажәла Инал-иԥа анырҵеит адефис бжьаҵаны, аҩажәакгьы нбан дула. Шьалуа Инал-Иԥа иҭаацәа иалоу зегьы иара ус ауп рыжәла шырыҩуа иахьа уажәраанӡагьы. Зҭаацәа рҭоурыхи, заб иԥсҭазаара иадҳәалоу хәы змаӡам агәалашәарақәеи гәыбылрала еиқәырханы измоу, Шьалуа Инал-Иԥа иԥҳа Арда, ишазгәалҭо ала, абжьыуаа рҟны Инал-Иԥацәа ҭоурыхла изқәынхоз дгьылқәамызт. «Ҳара ҳабашьҭрагьы, ҳажәла зегь реиԥш, аханатә иахьынхоз [[Бзыԥ]] аганахь акәын. Аха саб иабду [[Инал-иԥа, Гьаргь|Гьаргь Инал-иԥа]] иашьа Нарџьхьоуи иареи ахьынхоз [[Калдахәара|Калдахәареи]] [[Пицунда|Пицундеи]] рџьынџь дгьылқәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит, избан акәзар аинрал Горчаков инапаҵаҟа аҟалара мап ацәыркит. Убас ҳара ҳабиԥара [[Абжьыуа]]ҟа иианагеит, раԥхьа [[Река]] ақыҭан итәеит, нас Гәыԥ нхара ииасит, иара уоуп Шьалуа Денис-иԥагьы дахьиз. Иани иаби заа иԥхеит, иааӡараҿы рџьабаа рацәоуп Аҭәмаа рҭаацәара, иара убасгьы Аԥсны зыхьӡ адыруа арккаҩы Пиотр Ҷараиа», – ҳәа азгәалҭоит Арда Иналԥҳа.<ref name="аԥсны аҟазара">{{Cite web |url=https://www.mkra.org/images/APSNYAKAZARA_PDF/Akazara_2020_01.pdf |title= Аԥсны аҟазара |access-date=2023-11-23 |archive-date=2022-05-13 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220513065123/https://mkra.org/images/APSNYAKAZARA_PDF/Akazara_2020_01.pdf |url-status=dead }}</ref> [[Сталин ирепрессиа]] ашықәсқәа Инал-иԥа иҭаацәара ааха ӷәӷәа рнаҭеит. Аԥхьа, [[1937]] шықәсазы дҭаркит, нас иеихсны дыршьит иашьа Илларион, «дытроцкиступ» ҳәа. Анаҩс [[Санкт-Петербург|Петроград]] ақалақь аҟны «Киров иус» дадҳәалоуп ҳәа дҭаркит Шьалуа иашьеиҳаб Ипполит, уи усҟан даспирантын, академик [[Вавилов, Николаи Иван-иԥа|Николаи Вавилов]] напхгаҩыс диман. Абарҭқәа лгәы иазымычҳакәа, Шьалуа иан лыԥсҭазаара далҵуеит, иара ашкол далганы аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа аниҭиуаз амшқәа рзы. ==Ашколи иреиҳау аҵараиурҭеи рыҟны== [[1922]] шықәсазы раб данрыԥха аамышьҭахь, Шьалуеи егьырҭ ахәыҷқәеи ран лымацара илааӡон. Акырӡа зҵазкуаны, илахьынҵаӡбагахаз хҭысны Шьалуа Денис-иԥа ихаҭа иԥхьаӡон Аҟәатәи иҿырԥшыгоу ашьхарыуаа рышкол иҭалара. [[Аҟәа]]тәи акомиссиа иара далнакааит аҟыбаҩ змоу ҵаҩык иаҳасабала, алагарҭатә школ аҟынтә Ашьхарыуаа рышкол ахь ииагарагьы иахаҵгылеит. Шьалуа хәыҷы даара деигәырӷьон аҵаратә ԥсҭазаара ахьеилашуаз аилазаара дахьахәҭакхаз. Ашкол данҭалоз урысшәала ажәак-ҩажәак мацара шракәызгьы иидыруаз, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашкол аҿы иреиӷьу аҵаҩцәа дыруаӡәкхеит. Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩцәа анырра ду ҟарҵеит иара ишьақәгылараҿы. Ашкол данҭазтәи аамҭазы иҟалаз хҭыск даара ибзианы иаанарԥшуеит Шьалуа Инал-иԥа ихаҭара зеиԥшраз. Ашьхарыуаа рышкол ахь даниарга, зҟыбаҩ бзиаз иара иҩызак алагарҭатә школ аҿы дахьаанхаз ҭаха инаҭомызт. Шьалуа хәыҷы ашкол адиректор Кондрат Фиодор-иԥа Ӡиӡариа иҟынӡа анеира илыршаны, иҩыза иӡбахә изеиҭеиҳәеит. Кондрат Фиодор-иԥа аҷкәын иажәақәа рыгәра игеит, ҩымшгьы аамҭа ииҭеит иҩыза ашкол ахь дааигаразы. Дара аҩыџьагь ашкол еицалгеит ахьтәы медалқәа рыманы. Рыцҳарас иҟалаз, иҩыза дышқәыԥшыз аибашьраҿы дҭахеит. Шьалуа Инал-иԥа еиҭеиҳәоит ашкол даналгоз амаҭәарқәа жәпакы рҟны еиԥшны аихьӡара бзиақәа шимаз, анаҩс хырхарҭак алхра ицәыуадаҩхо аҟынӡа ҳәа, аха аҵыхәтәан [[афилософиа]] алихуеит. [[Москва]] дцаны дҭалоит [[Чернышевски ихьӡ зху, афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи Москватәи ринститут]], афилософиатә факультет. Аха «жәлар раӷа» диашьоуп ҳәа уаҟа аҵараҵаха ирымҭеит.<ref>https://www.youtube.com/watch?v=dxxUCuAU2_o&feature=emb_logo</ref> [[1938]] шықәсазы Инал-иԥа дҭалоит [[Либкхнет ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт]], аҭоурыхтә факультет. Аха ари аҵараиурҭагьы алгаха имоуит излагаз [[Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду]] амшала. Иара афронт ахь дцеит, Десна аӡиас ахықәан атанкқәа рҽацәыхьчаратә цәаҳәақәа рыргылара далахәын. Аха, уа дыҟанаҵ ӷәӷәала дычмазаҩхан, Аԥсныҟа иԥсадгьылахь аара иқәшәеит. Иҵара иациҵеит [[Аҟәатәи арҵаҩратә институт]] аҭоурыхтә факультет аҟны, хара имгакәа уи далгеит диплом ҟаԥшьыла. [[1943]] шықәсазы Шьалуа Инал-иԥа [[Қырҭтәылатәи АССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа]] иатәу Аҭоурыхтә институт даспирантхоит, ҷыдала аетнографиа аҭҵаара иҽазикуеит. Раԥхьатәи ҭҵаарадырратә темас ишьҭихит аԥсуаа рҟны аҭаацәаратә институт традициала аиҿкаашьа. ==Аҭҵаарадырратә ус== [[1946]] шықәсазы Шьалуа Денис-иԥа аҭҵаарадырратә усзуҩ иаҳасабала дрыдыркылеит академик [[Марр ихьӡ зхыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт]] ахь. Араҟа уи аус иуит 1988 шықәсанӡа, дагьынаӡеит аетнографиа аҟәша аиҳаби, аҭҵаарадырра аҟәша знапы иану аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩи рмаҵурақәа рҟынӡа. Шьалуа Инал-иԥа қәҿиарала еилеигӡон аҭҵаарадырреи, арҵаҩреи, [[Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи]] аҟны аусуреи. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор [[Анчабаӡе, Иури Дырмит-иԥа|Иури Анчабаӡе]] аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа изкны ииҩыз аочерк аҟны иазгәеиҭеит уи иҭҵаарадырратә усура дшалагаз иаспирантра ашықәсқәа раан. Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рахь аекспедициақәа рымҩаԥгараан Инал-иԥа хәыц-хәыц еизганы иҭаиҩуан абарҭ ҩ-темак рыла аматериалқәа: аԥсуа [[Нарҭтә епос]] аҳәамҭақәеи, Аԥсны атопонимикеи, анаҩс уи аматериал аҭҵаареи аклассификациа азуреи. [[Адиссертациа]] аус адулараан азҿлымҳара ҷыда аиҭон аԥсуаа рҭаацәаратә бзазашьеи руаажәларратә ԥсҭазаашьеи ирыдҳәалаз аҵас-қьабзқәа ранҵара. Инал-иԥа иҭҵаарадырратә интерес аиҳарак иахьыҟаз аетногенез азҵаарақәеи, аԥсуа жәлар ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи рҟноуп. «Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа ҷыдала азҿлымҳара аиҭон аԥсуааи урҭ рыиашьара жәларқәеи – [[ашәуаа]]и, [[адыгаа]]и, иара убас еиҳарак аинтерес ду изцәырызгоз [[Аубыхқәа|аубыхқәеи]] дареи рыбжьара иҟаз аҭоурыхтә еимадарақәа зеиԥшраз, лҵшәақәас иҟарҵаз аилкаара», – ҳәа иҩуеит Анчабаӡе. Аҵарауаҩ хықәкыла дыззааҭгылоз темоуп – [[аԥсуа бызшәа]]. [[1960]] шықәсазы [[Аҳашба, Мушьни Лаврент-иԥа|Мушьни Аҳашбеи]] иареи [[аԥсуа терминологиатә жәар]] аиқәыршәареи аредакциа азуреи рнапы алакын. [[1980-1989|1980-тәи ашықәсқәа]] рзы атәыла аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵареи аҭҵаареи иахылаԥшуа акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан. Шьалуа Инал-иԥа афольклор аҭҵаараҿгьы илшамҭақәа рацәоуп: аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, ҳаҭалагьы Нарҭаа репос иналукааша аҭҵааҩцәа дыруаӡәкуп. [[Бӷажәба, Хәыхәыт Салуман-иԥа|Хәыхәыт Бӷажәбеи]] иареи рыхьӡқәа еицырҳәоит аԥсуаҭҵаараҿы [[алитературатә критика]] ажанр хацзыркыз раҳасабала. Шьалуа Инал-иԥа шьаҭанкылатәи иусумҭа ду «Абхазы», ихарҭәааны [[1965]] шықәсазы иҭыҵыз, Иури Анчабаӡе иажәақәа рыла, аԥсуаа ретногенези, рмилаҭ аҿиара аҭоурыхи, аԥсуа доуҳатә, материалтә культурақәеи ирызку адыррақәа еидызкыло енциклопедиоуп ҳәа иуԥхьаӡар ҟалоит.<ref>https://abaza.org/abk/apsua-ttsaaradyrra-akorifei-apatriot-du-shalua-inal-ipa</ref> ==Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.)== [[1992]]–[[1993]] шықәсқәарзтәи [[Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра]]ан Шьалуа Инал-Иԥеи уи иԥәшәмаԥҳәыс [[Хотелашвилии, Мира Константин-иԥҳа|Мира Константин-иԥҳа Хотелашвилии]] аӷацәа иааныркылаз Аҟәа иалаханы иҟан. 1992 шықәса, [[жьҭаарамза 22]] рзы ақырҭуа еибашьцәа [[Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут]] анырблы, уи амца иалаблит Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәеи инапылаҩырақәеи реиҳараӡак, аҭыжьра иазырхианы иҟазгьы уахь иналаҵаны. Ари даара иааха ӷәӷәахеит аҵарауаҩ изы, уи иԥҳа лажәақәа рыла, иԥсы ахьынӡаҭазгьы аҵыхәтәанынӡа дзалымҵыцкәа дыҟан. Убри абылра аныҟала ашьҭахь, уаҳа иуаҭах дагьыҩнымҵит, ианамухгьы аҩны иҟоу сархив сыхьчап ҳәа, уи иуалԥшьас иԥхьаӡон, уаагьы хәы змаӡам адыррақәа еидкылан, ҳәарада.<ref>http://abkhazia24.org/2015/segodnia-shalve-inal-ipa-ispolnilos-by-99-let/</ref> ==Иҭаацәеи иареи реизыҟазаашьақәа== [[Иналԥҳа, Арда Шьалуа-иԥҳа|Арда Иналԥҳа]] лажәақәа рыла, Шьалуа Денис-иԥа абык иаҳасабала даара дыгәцаракын, дгәыбылҩын. «Иара илшон хаала, аха ухшыҩ азцаратәы, еицырдыруа ауаа рыԥсҭазаарақәа рҟынтә, ма иара ихатә ԥсҭазаара аҿынтә аҿырԥштәқәа ааганы, ауаҩы ишьақәгылара зыда иҟамло апринцип ӷәӷәақәа ҳалааӡара. Ауаа аус бзиақәак рыла рҽалыркаазар, убри алкаашьа, алагәырӷьашьа дақәшәон, убри алагьы иаҳирҵон аамысҭашәареи, агәымшәареи, агәыҳалалреи, агәадуреи пату рықәҵашьа, ҳаргьы еснагь убас ҳаҟазарц ҳгәаԥхартә еиԥш… Ихы данақәиҭыз аамҭа даара имаҷны иман, аха аԥсшьарамшқәа раан, анаукатә, ма ауаажәларратә усқәа дырҿымкәа дыҟазар, зегь ҳаиманы ҳшынҭаацәоу [[Аӡҩыбжьа]]ҟа ҳцон, иашьеиҳаб Ипполит иҭаацәеи иареи ахьынхоз аҩнаҭахьы. Абарҭ ҳцарақәа раан, ҭаацәашәалатәи ҳаибабара еиӷьу аамҭак ыҟамзар ҟаларын. Ажәытәӡатәи Аԥсни, аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи, асовет аамҭа афырхацәеи ахҭысқәеи уҳәа ирыдҳәалаз ажәабжьқәа реиҳараӡак, иара убасгьы ҳажәла Инал-иԥа цәа рхылҵшьҭра иазку аҭоурыхқәеи раԥхьаӡакәны иахьҳаҳаз убри аӡҩыбжьатәи аҩнаҭаҿоуп. Лассы-лассы ҳаб ҳаигалон археологиатә жрақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рахьгьы, аҭоурыхтә баҟақәа ҳирбон». Шьалуа Инал-иԥа иԥеи иԥҳаи, Адгәыри Ардеи, раб иҟынтә ишқәыԥшқәаз ирдыруан [[Аԥсны аҭоурых]] иашаҵәҟьа аҭҵаара иацыз ауадаҩрақәа. Аҵарауаҩ ихәыҷқәа ианрызҳа, иԥсадгьыл алахьынҵазы имаз агәҭынчымрақәеи ахьаақәеи рыцеиҩишон. Аха уи адагьы, иара лымкаала иԥсы зыҿҳәараз Аԥснытәи ашьхақәа ргәыбылра диркит ихәыҷқәагьы. [[Инал-иԥа, Адгәыр Шьалуа-иԥа|Адгәыр Инал-иԥа]] убри аҟара ашьханыҟәара игәаԥхеит, дагьазҟазахеит, [[Ельбрус]] ашьха ақәцәагьы дхалартә аҟынӡа. Шьалуа Инал-иԥа аҽықәтәарагьы даара бзиа ибон аҟнытә, иԥҳа Ардагьы илгәаирԥхеит.<ref name="аԥсны аҟазара" /> Шьалуа Инал-иԥа, жәаҳәарада, иԥеи иԥҳаи рзы зегь рыла дҿырԥшыган. «Сара даара сеигәырӷьон Москва аҵара анысҵоз саб дансзаауаз, – ҳәа лгәалалыршәоит Арда Иналԥҳа, – урҭ амшқәа еснагь иҭәын аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәеи, амузеиқәеи атеатрқәеи рҭаареи рыла. Шьалуа Денис-иԥа есымша дҳалабжьон адунеи ҳҽаҟәыҭханы ҳаанымхарц, аурыси адунеитәи акультурақәа иахьынӡауа иҵауланы реилкааразы лшарас иҟоу зегьы ҳхы иаҳархәаларц». Хҭысла ибеиаз аҵарауаҩ иԥсҭазаара аҟынтә иԥҳа иалылкаауеит Шьалуа Инал-иԥа раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла иаҭаауаз аԥсуа делегациа дахәҭакны аԥсуа диаспора дырԥыланы, дрыҿцәажәаны даныхынҳәуаз амш, уа имҩаԥысит хашҭшьа зқәым аиқәшәарақәа. Убасгьы лгәалашәараҿы иаанхеит лаби лареи Шәача акәшамыкәша рныҟәарақәа, уа иара ианиҵон макьаназы еиқәханы иҟаз аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа, хьаас иҟаҵангьы еиҭеиҳәон [[XIX ашәышықәса]]зы арҭ аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуаз ишьаарҵәыраз ахҭыс хьанҭақәа рыӡбахә. Инал-иԥацәа рыҩнаҭа ахаангьы асасцәа агмызт. «Москвантә, Ленинградынтә асасцәа ҳзаауан, саб иҩызцәеи иколлегацәеи ҳҭаауан, урҭ зегь иналукааша хаҭарақәан, – ҳәа еиҭалҳәоит Арда Иналԥҳа. Аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәа ҳаман есымша. Насгьы, Шьалуа Инал-иԥа астол амҩаԥгашьа даараӡа ибзианы идыруан, аныҳәаҿақәа рышьҭыхраҿы дҟазан, асасцәа еснагь зҿлымҳара дула изыӡырҩуан. Иҩызцәа зегьы реиқәыԥхьаӡара уадаҩуп, уи даара ауаа дырзааигәан, аҩызцәа-адырцәа рацәаҩӡаны иман. Аҭҵаарадырреи, алитературеи рҟны аџьабаа збоз, аԥсуа жәлар рлахьынҵа хьаас измаз иҩызцәеи иареи ешьарак реиԥш еизааигәахеит, иԥсы ахьынӡаҭаз абзиеи-ацәгьеи рҿы ивагылан, иара иеиԥш Гәыԥ ақыҭа иалҵыз иҩызцәа хҩык: [[Езыгә Габелиа]], [[Алықьса Гәарамиа]], [[Лев Гармелиа]]. Шьалуа Инал-иԥа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан хнырҳәышьа змамыз ацәыӡ дуқәа дрыниеит. Иуникалтәыз иархив абылра инаҭаз ааха изхымгацкәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ахыркәшамҭаз, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәраан дҭахоит иара иԥазаҵә Адгәыр Инал-иԥа – аҵарауаҩ қәыԥш, афизик, [[Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа ринститут]] аусзуҩ. Ари аныҟала ашьҭахь аби аҭаацәеи ирыԥсҭазаашьахаз ахаҿы аагара уадаҩуп. Шьалуа Денис-Иԥа иҷкәынзаҵә даниԥха ашьҭахь даҽа ҩышықәса роуп иниҵыз: иԥсҭазаара далҵит [[1995]] шықәсазы.<ref>{{Cite web |url=https://journal.iea.ras.ru/archive/1990s/1996/no6/1996_6_166_Shalva.pdf |title=ШАЛВА ДЕНИСОВИЧ ИНАЛ-ИПА |access-date=2023-11-23 |archive-date=2020-07-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200727053645/http://journal.iea.ras.ru/archive/1990s/1996/no6/1996_6_166_Shalva.pdf |url-status=dead }}</ref> ==Агәалашәара== Аҵарауаҩ ду иаҳзынижьыз аҭҵаарадырратә ҭынха даараӡа амҽхак дууп: уи аҭҵааразы мацара аспециалистцәа ԥыҭҩык адыԥхьаланы акыр аџьабаа абара аҭаххоит. Иусумҭақәа интересуп аетнографцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, алитератураҭҵааҩцәеи рзыҳәан еиԥш, аԥсуаа ажәытәтәи рыбзазашьеи, рҟазшьақәеи, рҵасқәеи, рқьабзқәеи инарҭбааны еилызкаарц зҭаху зегьы рзы. [[1976]] шықәсазы акьыԥхь абоит амонографиа «Аԥсуаа ретно-культуратә ҭоурых азҵаарақәа». Ари аусумҭа Инал-иԥа аԥсуа жәлар ретногенез аганахьала иҭҵаарақәа акрызҵазкуа аихшьала рзыҟанаҵоит. «Иазгәаҭатәуп, – иҳәоит [[Анчабаӡе]], – аетногенези аетникатә ҭоурыхи ургәылаланы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара усҟан лассы-лассы ашәарҭара зцыз акакәны ишыҟаз. Ажәларқәа рхылҵшьҭра, аетникатә теориақәа реизыҟазаашьа, аҭыԥантәи ауааԥсыра равтохтонтәреи, мамзаргьы џьарантә арахь рықәнагалареи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа, ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи иргәылсны аҭоурых ахь ухьазырԥшуаз, еснагь аполитикатә ҟазшьа ҵары шьҭырхуан, убри аҟнытә аидеологиатә, ахылаԥшратә усбарҭақәа еснагь рылаԥш ааихымсыхьӡакәа ирышьклаԥшуан». Ашәҟәы ианыз ақырҭқәа даара иргәамԥхеит, Шьалуа Инал-иԥа ҵарауаҩк иаҳасабала ҭаха ирымҭо иалагеит, днационалиступ ҳәа ахара идырҵон, «аԥсуааи ақырҭқәеи еичирчарц даҿуп» рҳәон.<ref>http://gazeta-ra.info/index-1.php?ELEMENT_ID=14140{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=February 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> ==Алитература== * Абхазский Институт гуманитарных исследований им. Гулия АН Абхазии, Ш.Д. Инал-ипа библиографический указатель. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Жьҭаарамза 20 рзы ииз]] [[Акатегориа:1916 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:1995 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Цәыббрамза 20 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа]] [[Акатегориа:Асовет ҭоурыхдырҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны аетнографцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны агенеологцәа]] [[Акатегориа:Агеральдистцәа]] [[Акатегориа:Иналаа]]
Шьалуа Денис-иԥа Иналиԥа (, ; , Гәыԥ ақыҭан — , Аҟәа) — иналукааша аҵарауаҩ ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, алитературеи рыҭҵаараҿы илагала даара идууп.http://spapsny.org/pisateli/inal-ipa-shalva-denisovich Инал-Иԥа инысмҩа Шьалуа Денис-иԥа диит 1916 шықәса жьҭаарамза 20 рзы, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа – ажәытәӡантә иаауа аԥсуа ҭауад жәла Инал-иԥацәа дырхылҵшьҭроуп. Иара ихаҭа ижәла аҩ-хәҭакгьы нбан дула акәын ишиҩуаз, уи дыршаҳаҭуеит ихьӡ зну адокументқәа зегьы. Убас акәын XIX ашәышықәсазы абри ажәла шанҵаз, Урыстәылатәи аимпериатә еилазаара Инал-иԥацәа ргерб анышьақәдырӷәӷәоз: усҟангьы ажәла Инал-иԥа анырҵеит адефис бжьаҵаны, аҩажәакгьы нбан дула. Шьалуа Инал-Иԥа иҭаацәа иалоу зегьы иара ус ауп рыжәла шырыҩуа иахьа уажәраанӡагьы. Зҭаацәа рҭоурыхи, заб иԥсҭазаара иадҳәалоу хәы змаӡам агәалашәарақәеи гәыбылрала еиқәырханы измоу, Шьалуа Инал-Иԥа иԥҳа Арда, ишазгәалҭо ала, абжьыуаа рҟны Инал-Иԥацәа ҭоурыхла изқәынхоз дгьылқәамызт. «Ҳара ҳабашьҭрагьы, ҳажәла зегь реиԥш, аханатә иахьынхоз Бзыԥ аганахь акәын. Аха саб иабду Гьаргь Инал-иԥа иашьа Нарџьхьоуи иареи ахьынхоз Калдахәареи Пицундеи рџьынџь дгьылқәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит, избан акәзар аинрал Горчаков инапаҵаҟа аҟалара мап ацәыркит. Убас ҳара ҳабиԥара Абжьыуаҟа иианагеит, раԥхьа Река ақыҭан итәеит, нас Гәыԥ нхара ииасит, иара уоуп Шьалуа Денис-иԥагьы дахьиз. Иани иаби заа иԥхеит, иааӡараҿы рџьабаа рацәоуп Аҭәмаа рҭаацәара, иара убасгьы Аԥсны зыхьӡ адыруа арккаҩы Пиотр Ҷараиа», – ҳәа азгәалҭоит Арда Иналԥҳа. Сталин ирепрессиа ашықәсқәа Инал-иԥа иҭаацәара ааха ӷәӷәа рнаҭеит. Аԥхьа, 1937 шықәсазы дҭаркит, нас иеихсны дыршьит иашьа Илларион, «дытроцкиступ» ҳәа. Анаҩс Петроград ақалақь аҟны «Киров иус» дадҳәалоуп ҳәа дҭаркит Шьалуа иашьеиҳаб Ипполит, уи усҟан даспирантын, академик Николаи Вавилов напхгаҩыс диман. Абарҭқәа лгәы иазымычҳакәа, Шьалуа иан лыԥсҭазаара далҵуеит, иара ашкол далганы аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа аниҭиуаз амшқәа рзы. Ашколи иреиҳау аҵараиурҭеи рыҟны 1922 шықәсазы раб данрыԥха аамышьҭахь, Шьалуеи егьырҭ ахәыҷқәеи ран лымацара илааӡон. Акырӡа зҵазкуаны, илахьынҵаӡбагахаз хҭысны Шьалуа Денис-иԥа ихаҭа иԥхьаӡон Аҟәатәи иҿырԥшыгоу ашьхарыуаа рышкол иҭалара. Аҟәатәи акомиссиа иара далнакааит аҟыбаҩ змоу ҵаҩык иаҳасабала, алагарҭатә школ аҟынтә Ашьхарыуаа рышкол ахь ииагарагьы иахаҵгылеит. Шьалуа хәыҷы даара деигәырӷьон аҵаратә ԥсҭазаара ахьеилашуаз аилазаара дахьахәҭакхаз. Ашкол данҭалоз урысшәала ажәак-ҩажәак мацара шракәызгьы иидыруаз, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашкол аҿы иреиӷьу аҵаҩцәа дыруаӡәкхеит. Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩцәа анырра ду ҟарҵеит иара ишьақәгылараҿы. Ашкол данҭазтәи аамҭазы иҟалаз хҭыск даара ибзианы иаанарԥшуеит Шьалуа Инал-иԥа ихаҭара зеиԥшраз. Ашьхарыуаа рышкол ахь даниарга, зҟыбаҩ бзиаз иара иҩызак алагарҭатә школ аҿы дахьаанхаз ҭаха инаҭомызт. Шьалуа хәыҷы ашкол адиректор Кондрат Фиодор-иԥа Ӡиӡариа иҟынӡа анеира илыршаны, иҩыза иӡбахә изеиҭеиҳәеит. Кондрат Фиодор-иԥа аҷкәын иажәақәа рыгәра игеит, ҩымшгьы аамҭа ииҭеит иҩыза ашкол ахь дааигаразы. Дара аҩыџьагь ашкол еицалгеит ахьтәы медалқәа рыманы. Рыцҳарас иҟалаз, иҩыза дышқәыԥшыз аибашьраҿы дҭахеит. Шьалуа Инал-иԥа еиҭеиҳәоит ашкол даналгоз амаҭәарқәа жәпакы рҟны еиԥшны аихьӡара бзиақәа шимаз, анаҩс хырхарҭак алхра ицәыуадаҩхо аҟынӡа ҳәа, аха аҵыхәтәан афилософиа алихуеит. Москва дцаны дҭалоит Чернышевски ихьӡ зху, афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи Москватәи ринститут, афилософиатә факультет. Аха «жәлар раӷа» диашьоуп ҳәа уаҟа аҵараҵаха ирымҭеит.https://www.youtube.com/watch?v=dxxUCuAU2_o&feature=emb_logo 1938 шықәсазы Инал-иԥа дҭалоит Либкхнет ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аҭоурыхтә факультет. Аха ари аҵараиурҭагьы алгаха имоуит излагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду амшала. Иара афронт ахь дцеит, Десна аӡиас ахықәан атанкқәа рҽацәыхьчаратә цәаҳәақәа рыргылара далахәын. Аха, уа дыҟанаҵ ӷәӷәала дычмазаҩхан, Аԥсныҟа иԥсадгьылахь аара иқәшәеит. Иҵара иациҵеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет аҟны, хара имгакәа уи далгеит диплом ҟаԥшьыла. 1943 шықәсазы Шьалуа Инал-иԥа Қырҭтәылатәи АССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭоурыхтә институт даспирантхоит, ҷыдала аетнографиа аҭҵаара иҽазикуеит. Раԥхьатәи ҭҵаарадырратә темас ишьҭихит аԥсуаа рҟны аҭаацәаратә институт традициала аиҿкаашьа. Аҭҵаарадырратә ус 1946 шықәсазы Шьалуа Денис-иԥа аҭҵаарадырратә усзуҩ иаҳасабала дрыдыркылеит академик Марр ихьӡ зхыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт ахь. Араҟа уи аус иуит 1988 шықәсанӡа, дагьынаӡеит аетнографиа аҟәша аиҳаби, аҭҵаарадырра аҟәша знапы иану аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩи рмаҵурақәа рҟынӡа. Шьалуа Инал-иԥа қәҿиарала еилеигӡон аҭҵаарадырреи, арҵаҩреи, Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҟны аусуреи. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Анчабаӡе аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа изкны ииҩыз аочерк аҟны иазгәеиҭеит уи иҭҵаарадырратә усура дшалагаз иаспирантра ашықәсқәа раан. Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рахь аекспедициақәа рымҩаԥгараан Инал-иԥа хәыц-хәыц еизганы иҭаиҩуан абарҭ ҩ-темак рыла аматериалқәа: аԥсуа Нарҭтә епос аҳәамҭақәеи, Аԥсны атопонимикеи, анаҩс уи аматериал аҭҵаареи аклассификациа азуреи. Адиссертациа аус адулараан азҿлымҳара ҷыда аиҭон аԥсуаа рҭаацәаратә бзазашьеи руаажәларратә ԥсҭазаашьеи ирыдҳәалаз аҵас-қьабзқәа ранҵара. Инал-иԥа иҭҵаарадырратә интерес аиҳарак иахьыҟаз аетногенез азҵаарақәеи, аԥсуа жәлар ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи рҟноуп. «Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа ҷыдала азҿлымҳара аиҭон аԥсуааи урҭ рыиашьара жәларқәеи – ашәуааи, адыгааи, иара убас еиҳарак аинтерес ду изцәырызгоз аубыхқәеи дареи рыбжьара иҟаз аҭоурыхтә еимадарақәа зеиԥшраз, лҵшәақәас иҟарҵаз аилкаара», – ҳәа иҩуеит Анчабаӡе. Аҵарауаҩ хықәкыла дыззааҭгылоз темоуп – аԥсуа бызшәа. 1960 шықәсазы Мушьни Аҳашбеи иареи аԥсуа терминологиатә жәар аиқәыршәареи аредакциа азуреи рнапы алакын. 1980-тәи ашықәсқәа рзы атәыла аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵареи аҭҵаареи иахылаԥшуа акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан. Шьалуа Инал-иԥа афольклор аҭҵаараҿгьы илшамҭақәа рацәоуп: аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, ҳаҭалагьы Нарҭаа репос иналукааша аҭҵааҩцәа дыруаӡәкуп. Хәыхәыт Бӷажәбеи иареи рыхьӡқәа еицырҳәоит аԥсуаҭҵаараҿы алитературатә критика ажанр хацзыркыз раҳасабала. Шьалуа Инал-иԥа шьаҭанкылатәи иусумҭа ду «Абхазы», ихарҭәааны 1965 шықәсазы иҭыҵыз, Иури Анчабаӡе иажәақәа рыла, аԥсуаа ретногенези, рмилаҭ аҿиара аҭоурыхи, аԥсуа доуҳатә, материалтә культурақәеи ирызку адыррақәа еидызкыло енциклопедиоуп ҳәа иуԥхьаӡар ҟалоит.https://abaza.org/abk/apsua-ttsaaradyrra-akorifei-apatriot-du-shalua-inal-ipa Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) 1992–1993 шықәсқәарзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Шьалуа Инал-Иԥеи уи иԥәшәмаԥҳәыс Мира Константин-иԥҳа Хотелашвилии аӷацәа иааныркылаз Аҟәа иалаханы иҟан. 1992 шықәса, жьҭаарамза 22 рзы ақырҭуа еибашьцәа Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут анырблы, уи амца иалаблит Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәеи инапылаҩырақәеи реиҳараӡак, аҭыжьра иазырхианы иҟазгьы уахь иналаҵаны. Ари даара иааха ӷәӷәахеит аҵарауаҩ изы, уи иԥҳа лажәақәа рыла, иԥсы ахьынӡаҭазгьы аҵыхәтәанынӡа дзалымҵыцкәа дыҟан. Убри абылра аныҟала ашьҭахь, уаҳа иуаҭах дагьыҩнымҵит, ианамухгьы аҩны иҟоу сархив сыхьчап ҳәа, уи иуалԥшьас иԥхьаӡон, уаагьы хәы змаӡам адыррақәа еидкылан, ҳәарада.http://abkhazia24.org/2015/segodnia-shalve-inal-ipa-ispolnilos-by-99-let/ Иҭаацәеи иареи реизыҟазаашьақәа Арда Иналԥҳа лажәақәа рыла, Шьалуа Денис-иԥа абык иаҳасабала даара дыгәцаракын, дгәыбылҩын. «Иара илшон хаала, аха ухшыҩ азцаратәы, еицырдыруа ауаа рыԥсҭазаарақәа рҟынтә, ма иара ихатә ԥсҭазаара аҿынтә аҿырԥштәқәа ааганы, ауаҩы ишьақәгылара зыда иҟамло апринцип ӷәӷәақәа ҳалааӡара. Ауаа аус бзиақәак рыла рҽалыркаазар, убри алкаашьа, алагәырӷьашьа дақәшәон, убри алагьы иаҳирҵон аамысҭашәареи, агәымшәареи, агәыҳалалреи, агәадуреи пату рықәҵашьа, ҳаргьы еснагь убас ҳаҟазарц ҳгәаԥхартә еиԥш… Ихы данақәиҭыз аамҭа даара имаҷны иман, аха аԥсшьарамшқәа раан, анаукатә, ма ауаажәларратә усқәа дырҿымкәа дыҟазар, зегь ҳаиманы ҳшынҭаацәоу Аӡҩыбжьаҟа ҳцон, иашьеиҳаб Ипполит иҭаацәеи иареи ахьынхоз аҩнаҭахьы. Абарҭ ҳцарақәа раан, ҭаацәашәалатәи ҳаибабара еиӷьу аамҭак ыҟамзар ҟаларын. Ажәытәӡатәи Аԥсни, аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи, асовет аамҭа афырхацәеи ахҭысқәеи уҳәа ирыдҳәалаз ажәабжьқәа реиҳараӡак, иара убасгьы ҳажәла Инал-иԥа цәа рхылҵшьҭра иазку аҭоурыхқәеи раԥхьаӡакәны иахьҳаҳаз убри аӡҩыбжьатәи аҩнаҭаҿоуп. Лассы-лассы ҳаб ҳаигалон археологиатә жрақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рахьгьы, аҭоурыхтә баҟақәа ҳирбон». Шьалуа Инал-иԥа иԥеи иԥҳаи, Адгәыри Ардеи, раб иҟынтә ишқәыԥшқәаз ирдыруан Аԥсны аҭоурых иашаҵәҟьа аҭҵаара иацыз ауадаҩрақәа. Аҵарауаҩ ихәыҷқәа ианрызҳа, иԥсадгьыл алахьынҵазы имаз агәҭынчымрақәеи ахьаақәеи рыцеиҩишон. Аха уи адагьы, иара лымкаала иԥсы зыҿҳәараз Аԥснытәи ашьхақәа ргәыбылра диркит ихәыҷқәагьы. Адгәыр Инал-иԥа убри аҟара ашьханыҟәара игәаԥхеит, дагьазҟазахеит, Ельбрус ашьха ақәцәагьы дхалартә аҟынӡа. Шьалуа Инал-иԥа аҽықәтәарагьы даара бзиа ибон аҟнытә, иԥҳа Ардагьы илгәаирԥхеит. Шьалуа Инал-иԥа, жәаҳәарада, иԥеи иԥҳаи рзы зегь рыла дҿырԥшыган. «Сара даара сеигәырӷьон Москва аҵара анысҵоз саб дансзаауаз, – ҳәа лгәалалыршәоит Арда Иналԥҳа, – урҭ амшқәа еснагь иҭәын аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәеи, амузеиқәеи атеатрқәеи рҭаареи рыла. Шьалуа Денис-иԥа есымша дҳалабжьон адунеи ҳҽаҟәыҭханы ҳаанымхарц, аурыси адунеитәи акультурақәа иахьынӡауа иҵауланы реилкааразы лшарас иҟоу зегьы ҳхы иаҳархәаларц». Хҭысла ибеиаз аҵарауаҩ иԥсҭазаара аҟынтә иԥҳа иалылкаауеит Шьалуа Инал-иԥа раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла иаҭаауаз аԥсуа делегациа дахәҭакны аԥсуа диаспора дырԥыланы, дрыҿцәажәаны даныхынҳәуаз амш, уа имҩаԥысит хашҭшьа зқәым аиқәшәарақәа. Убасгьы лгәалашәараҿы иаанхеит лаби лареи Шәача акәшамыкәша рныҟәарақәа, уа иара ианиҵон макьаназы еиқәханы иҟаз аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа, хьаас иҟаҵангьы еиҭеиҳәон XIX ашәышықәсазы арҭ аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуаз ишьаарҵәыраз ахҭыс хьанҭақәа рыӡбахә. Инал-иԥацәа рыҩнаҭа ахаангьы асасцәа агмызт. «Москвантә, Ленинградынтә асасцәа ҳзаауан, саб иҩызцәеи иколлегацәеи ҳҭаауан, урҭ зегь иналукааша хаҭарақәан, – ҳәа еиҭалҳәоит Арда Иналԥҳа. Аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәа ҳаман есымша. Насгьы, Шьалуа Инал-иԥа астол амҩаԥгашьа даараӡа ибзианы идыруан, аныҳәаҿақәа рышьҭыхраҿы дҟазан, асасцәа еснагь зҿлымҳара дула изыӡырҩуан. Иҩызцәа зегьы реиқәыԥхьаӡара уадаҩуп, уи даара ауаа дырзааигәан, аҩызцәа-адырцәа рацәаҩӡаны иман. Аҭҵаарадырреи, алитературеи рҟны аџьабаа збоз, аԥсуа жәлар рлахьынҵа хьаас измаз иҩызцәеи иареи ешьарак реиԥш еизааигәахеит, иԥсы ахьынӡаҭаз абзиеи-ацәгьеи рҿы ивагылан, иара иеиԥш Гәыԥ ақыҭа иалҵыз иҩызцәа хҩык: Езыгә Габелиа, Алықьса Гәарамиа, Лев Гармелиа. Шьалуа Инал-иԥа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан хнырҳәышьа змамыз ацәыӡ дуқәа дрыниеит. Иуникалтәыз иархив абылра инаҭаз ааха изхымгацкәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ахыркәшамҭаз, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәраан дҭахоит иара иԥазаҵә Адгәыр Инал-иԥа – аҵарауаҩ қәыԥш, афизик, Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа ринститут аусзуҩ. Ари аныҟала ашьҭахь аби аҭаацәеи ирыԥсҭазаашьахаз ахаҿы аагара уадаҩуп. Шьалуа Денис-Иԥа иҷкәынзаҵә даниԥха ашьҭахь даҽа ҩышықәса роуп иниҵыз: иԥсҭазаара далҵит 1995 шықәсазы. Агәалашәара Аҵарауаҩ ду иаҳзынижьыз аҭҵаарадырратә ҭынха даараӡа амҽхак дууп: уи аҭҵааразы мацара аспециалистцәа ԥыҭҩык адыԥхьаланы акыр аџьабаа абара аҭаххоит. Иусумҭақәа интересуп аетнографцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, алитератураҭҵааҩцәеи рзыҳәан еиԥш, аԥсуаа ажәытәтәи рыбзазашьеи, рҟазшьақәеи, рҵасқәеи, рқьабзқәеи инарҭбааны еилызкаарц зҭаху зегьы рзы. 1976 шықәсазы акьыԥхь абоит амонографиа «Аԥсуаа ретно-культуратә ҭоурых азҵаарақәа». Ари аусумҭа Инал-иԥа аԥсуа жәлар ретногенез аганахьала иҭҵаарақәа акрызҵазкуа аихшьала рзыҟанаҵоит. «Иазгәаҭатәуп, – иҳәоит Анчабаӡе, – аетногенези аетникатә ҭоурыхи ургәылаланы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара усҟан лассы-лассы ашәарҭара зцыз акакәны ишыҟаз. Ажәларқәа рхылҵшьҭра, аетникатә теориақәа реизыҟазаашьа, аҭыԥантәи ауааԥсыра равтохтонтәреи, мамзаргьы џьарантә арахь рықәнагалареи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа, ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи иргәылсны аҭоурых ахь ухьазырԥшуаз, еснагь аполитикатә ҟазшьа ҵары шьҭырхуан, убри аҟнытә аидеологиатә, ахылаԥшратә усбарҭақәа еснагь рылаԥш ааихымсыхьӡакәа ирышьклаԥшуан». Ашәҟәы ианыз ақырҭқәа даара иргәамԥхеит, Шьалуа Инал-иԥа ҵарауаҩк иаҳасабала ҭаха ирымҭо иалагеит, днационалиступ ҳәа ахара идырҵон, «аԥсуааи ақырҭқәеи еичирчарц даҿуп» рҳәон.http://gazeta-ra.info/index-1.php?ELEMENT_ID=14140 Алитература Абхазский Институт гуманитарных исследований им. Гулия АН Абхазии, Ш.Д. Инал-ипа библиографический указатель. Азгәаҭақәа Акатегориа:Жьҭаарамза 20 рзы ииз Акатегориа:1916 шықәсазы ииз Акатегориа:1995 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Цәыббрамза 20 рзы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа Акатегориа:Асовет ҭоурыхдырҩцәа Акатегориа:Аԥсны аетнографцәа Акатегориа:Аԥсны агенеологцәа Акатегориа:Агеральдистцәа Акатегориа:Иналаа
37342
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ӡиӡариа,_Гьаргь_Алексеи-иԥа
Ӡиӡариа, Гьаргь Алексеи-иԥа
{{Акарточка аполитик |ахьӡ=Гьаргь Алықьса Ӡиӡариа}} '''Гьаргь Алықьса Ӡиӡариа''' ({{lang-ru|Георгий Алексеевич Дзидзария}}, {{lang-ka|გიორგი ძიძარია}} ;{{date|6|5|1914|23|4}}, [[Лыхны]] ақыҭан — {{date|1|5|1988}}, [[Аҟәа]]) — [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|Асовет Еидгыла]] аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, еицырдыруа кавказҭҵааҩы, [[Аԥснытәи АССР|Аԥсны]] аҵарауаҩ ду, «Ахҩык рысалам шәҟәы» автор. Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан.<ref>{{Cite web |url=http://apsnyteka.org/292-dzidzaria_g_tornau.html |title=Г. А. Дзидзария |access-date=2024-02-20 |publisher=Аԥсуа интернет-библотека}}</ref> ==Гь. Ӡиӡариа инысмҩа== Гьаргь Ӡиӡариа диит [[1914]] шықәса [[лаҵарамза 6]] рзы, Лыхны ақыҭан. Гьаргь иаб – анхаҩы Алықьса Ӡиӡариа, [[Лакоба, Нестор Аполлон-иԥа|Нестор Лакоба]] еиҿикааз анхацәа ргәыԥ «Кьараз» далан. Иан – Елизавета Давид-иԥҳа Аҩардан, Зиза ҳәа зарҳәоз– «Кьараз» иалахәыз, еицырдыруа ареволиуционер Игнати Аҩардан иаҳәшьа лакәын. Гьаргь ԥшьышықәса шихыҵуаз иаб диԥхоит, иан лымацара длааӡон. Жәашықәса анихыҵ инаркны Гь. Ӡиӡариа аҵара иҵон Гәдоуҭатәи ахәыҷқәа рыҩны-аинтернат аҟны. Анаҩс, [[1929]] шықәсазы дҭалоит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол. Уаҟа аҵара иҵонаҵы, азҿлымҳара ӷәӷәа ааирԥшуан аҭоурых амаҭәар ахь, еиҳаракгьы уи ибзоуран ирҵаҩы [[Фадеев, Алықьса Всеволод-иԥа|Алықьса Всеволод-иԥа Фадеев]], иара иоуп аҷкәын қәыԥш иеилзыркааз аҭҵаара аус аҟны зегь реиҳа афактқәа шхадароу, убри азы адокументқәеи аршаҳаҭгақәеи реидкылара аҭҵаара аус аҟны зды ԥсыхәа ыҟам шракәу иазҳәаз. Ашкол даналга ашьҭахь, [[1934]] шықәсазы, Гьаргь Алықьса-иԥа дҭалоит [[Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут]]. «Араҟа сара рҵаҩцәас исыман иналукааша аурыс ҭоурыхҭҵааҩцәа – [[Готие, Иури Владимир-иԥа|Иури Владимир-иԥа Готие]], [[Космински, Евгени Алықьса-иԥа|Евгени Алықьса-иԥа Космински]], [[Тихомиров, Михаил Николаи-иԥа|Михаил Николаи-иԥа Тихомиров]], [[Бахрушин, Сергеи Владимир-иԥа|Сергеи Владимир-иԥа Бахрушин]], [[Минц, Исаак Израиль-иԥа|Исаак Израиль-иԥа Минц]] уҳәа реиԥш иҟаз. Ҳәарада, урҭ анырра ду сырҭеит ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы» – ҳәа иҩуан Гьаргь Ӡиӡариа Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут аҟны аҵара аниҵозтәи ашықәсқәа игәаларшәо. Абарҭ астуденттә шықәсқәа инадыркны ауп, Гьаргь Ӡиӡариа лымкаала Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых даназҿлымҳахаз, урҭ ашықәсқәа рзы иҟаз апроблемақәа даныргәылархалаз. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, [[1939]] шықәсазы иара Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы далагоит академик [[Аԥсуа абызшәеи алитературеи ринститут|Марр ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи, алитературеи, абызшәеи ринститут]] аҟны, раԥхьа – аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс – еиҳабыс. [[1953]] шықәсазы дҟалоит аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩс, [[1966]] шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа – аинститут адиректорс дыҟан.<ref>{{Cite news |title=ВЕРШИНА: Памяти ученого Георгия Дзидзария. 105 лет |url=http://gazetara.archiveab.ru/index.php?ELEMENT_ID=19609&sphrase_id=43786 |last=ПАЧУЛИЯ |first=Леила |publisher=[[Газета Республика Абхазия]] |issue=48 |publication-date=2019-05-16 |language=ru}}</ref> ==Гь. Ӡиӡариа иҭҵааратәи, ирҵаҩратәи, иҳәынҭқарратәи усура== Гьаргь Ӡиӡариа аҭҵаарадырратә усуреи арҵаҩратә усуреи еилеигӡон. [[1957]] шықәса инаркны [[1966]] шықәсанӡа [[А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт]] еиҳабыс даман, [[1939]] шықәса инаркны иара убра рҵаҩыс аус иуан. Иара иаԥшьгаралоуп аҭоурыхтә факультет аҟны ишалагалахаз амаҭәар ҿыц – [[Аԥсны аҭоурых]]. [[1979]] шықәсазы [[Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет]] анаԥырҵа, Гьаргь Ӡиӡариа напхгара аиҭоит ауниверситет аҟны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра, аԥхьарагьы далагоит [[XIX ашәышықәса]] алагамҭеи [[XX ашәышықәса|XX ашәышықәсеи]] раантәи Аԥсны аҭоурых иазку алекциақәа ркурс. Аҭоурыхҭҵааҩы [[Кәыпраа, Арвелод Ерасҭа-иԥа|Арвелод Кәыпраа]] иажәақәа рыла, Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Ари аҭҵаарадырратә хырхараҭа имариамыз аҭагылазаашьақәа раан ашьақәгылара мҩаԥысуан, усҟантәи аамҭазы иҟамызт амилаҭтә ҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа. Убарҭ дыруаӡәкхеит Гьаргь Ӡиӡариа. Гьаргь Ӡиӡариа [[Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа]] алахәыла-корреспондентс дыҟан, Қырҭтәылатәи ССР-и Аԥснытәи АССР-и Рҳәынҭқарратә премиақәа дрыԥсахахьан. [[1939]] шықәса инаркны ауаажәларратәи аполитикатәи усқәа инапы рылакын. Гьаргь Алықьса-иԥа А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт аректорс дыҟан (1957–1966). 1966–1988 шықәсқәа рзы [[Аԥсуа абызшәеи алитературеи ринститут|Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут]] еиҳабыс даман. [[Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак]] ахантәаҩыс (1975–1988), [[СССР Иреиҳаӡоу Асовет]] 6-тәи, 7-тәи, 8-тәи ааԥхьарақәа рдепутатс дыҟан. Инапы иҵыҵхьеит ԥшьышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор [[Аҩӡба, Аслан Фазлыбеи-иԥа|Аслан Аҩӡба]], аҵарауаҩ ду ҳҭоурых аҿы иааникыло аҭыԥ дазааҭгыло, абас еиԥш азгәеиҭеит: «Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырра ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз дыруаӡәкын, иахьауажәраанӡагьы ус даанхоит. Аԥсуа ҭоурых 19-тәи ашәышықәсеи 20-тәи ашәышықәса актәи азбжеи уанырзыхынҳәуа, иара иӡбахә мҳәакәа узалацәажәаӡом. Иусумҭақәа даара ирацәаӡоуп, еиҳарак убри аамҭазы амҳаџьырра иазкны ииҩқәаз роуп, ҩынтәынгьы иҭыҵит. Раԥхьа 1975 шықәсазы иҭыҵит, нас 1982 шықәсазы еиҭаҭрыжьит».<ref>{{Cite web |url=https://abaza.org/nauka-i-politika-v-zhizni-georgiya-dzidzariya |title=Наука и политика в жизни Георгия Дзидзария |date=2019-05-06 |website=abaza.org |last=Капба |first=Арифа |publisher=[[Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс]]}}</ref> Асовет аамҭазы ацензура ыҟан. Иҟан узлацәажәар ҟамлоз атемақәа. Убарҭ ируакын амҳаџьырра атемагьы. Аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны иахьыхҵәаз уамак иалацәажәаӡомызт усҟантәи аамҭазы. Раԥхьаӡа уи аӡбахә цәырызгазгьы Гьаргь Ӡиӡариа иоуп. Аҭҵаарадырра аус ҳазааҭгылозар, 19-тәи ашәышықәса иара иҟынӡа уарла-шәарла акәын ишыҭҵааз, иааидкыланы ҩымҭа дук ыҟамызт. Гьаргь Алықьса-иԥа афундаменталтә ҟазшьа змоу аҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥиҵахьеит. Асоциалтә еизыҟазаашьақәеи, ақыҭанхамҩеи, Аԥсны аҭагылазаашьеи ирызкуп анаҩстәи иусумҭа ду. Уи идоктортә [[Адиссертациа|диссертациа]] ауп, ашәҟәы дууп. Аԥсны иҟаз анхаҩы, ҭауади-аамсҭеи, ахәуҩы ҳәа иахьа иззаҳҳәо, асоциалтә еиҟарамрақәа иара иоуп раԥхьа инарҭбааны иҭызҵааз. Иара убас, аӡбахә ҳәатәуп урысшәала "Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции" захьӡу амонографиа ду. Иааидкыланы, [[1917]] шықәсанӡа аԥсуа интеллигенциа реиҵагылара, аҵара змаз ауаа рнысмҩақәа, русумҭақәа рыԥшаараҿы раԥхьаӡа еидкыланы иалагаз иара иоуп, илагала даара идууп ари аус аҿы. ==«Ахҩык рысалам шәҟәы»== Аԥсуаа еснагь ртәыла аҩныҵҟатәи амчқәа еизганы, рҽазыршәон ахеиқәырхара. Ажәлар рыԥсадгьыл аҿы реиқәырхара хықәкыс ишьҭыхны, убри аамҭазы хаҭала рхы ашәарҭара иҭаргыло, аԥсуа интеллигенциа изныкымкәаны Асовет Еидгыла аиҳабырра рышҟа ааԥхьарақәа ҟарҵон, ашәҟәқәа рыҩуан. Урҭ ааԥхьаратә шәҟәқәа иреиуоуп жәабранмза [[1947]] шықәсазы [[Шьаҟрыл, Константин Семион-иԥа|Константин Семион-иԥа Шьаҟрыли]], [[Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа |Баграт Уасил-иԥа Шьынқәбеи]], иареи [[ЦК ВКП(б)]] ахь ирҩыз ашәҟәы. Усҟан [[Сталин]] ихаан акәын, игәаӷьыуацәан даара, [[Ақырҭцәа|ақырҭқәа]] убасҟан имҩаԥыргоз аполитика, аԥсуа школқәа шаркыз, [[аԥсуа бызшәа]] уҳәар шыҟамлоз, аԥсуа кадрқәа аусура шрымамыз атәы фактла ишьақәырӷәӷәаны, аҿырԥштәқәа ааганы, ирҩыз ашәҟәоуп иахьа еицырдыруа. Уи иаҳәон аԥсуа жәлар рзинқәа реилагара, [[1937]] шықәса раахыс аԥсуа интеллигенциа зҭадыргылаз арепрессиақәа, аԥсуа милаҭ аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьадыргылаз атәы. Ма иақырҭцәахароуп, ма ихҵәароуп ҳәа аԥсуаа рхатәыбызшәа анрымырхуаз, рыжәлақәа анырыԥсахуаз, рмилаҭра анырхырхуаз, аҭыԥхьыӡқәа анеицаркуаз аамҭа аанарԥшуан.  Шьаҿа-шьаҿала акыршықәса аус зуаз [[ашовинизм|ашовинисттә]] программа зхәыцыз рзыҳәан "лҵшәа бзиала" аус ауит, – зықьҩыла аԥсуаа иахьа уажәраанӡа изеиуоу рзымдыруа рыхдырра еилархәеит. Уажәшьҭа урҭ аԥсуаа рыхдырра иаша ашьақәыргыларазы еиҭа убасҟак аамҭа аҭаххоит, еиҳангьы алшарақәа аҭаххоит… Амала, аӷа ихы иаирхәоз аметодқәа рыла акәымкәа, азхьарԥшрала, азырхәыцрала, аилыркаарала. Раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа зеиԥш уаажәларреи мырзаҟанааи рыбжьара аимадарақәа бжьаҵатәуп. Мырзаҟанаа рыҩныҵҟа иҟоуп зхы здыруа – изхылҵыз, измилаҭу, изықәшәаз аҭоурыхтә мыҟәмабара иазҿлымҳау. Иҟоуп иззымдыруагьы. Аҵыхәтәантәиқәа рзыҳәа еиҳараӡакгьы аус ауроуп аԥсуа телехәаԥшра, арадио, агазеҭ, ажурнал. Аҭоурыхтә фактқәеи аргументқәеи шьаҭас измоу ҳҵарауаа рыҭҵаамҭақәеи, ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи мырзаҟанаа рыхдырра арҽеиразы аус руртә азнеишьа аформақәа рзыԥшаатәуп. Иахьазы зхатәы бызшәа аҵара агәаҳәара змоу уи аҩыза алшара рыҭатәуп, агәаҳәара змамгьы иазҿлымҳахартә аҭагылазаашьа рзаԥҵатәуп ашколқәа рҿеиԥш, абызшәа арҵаратә центрқәа рҿгьы ҳәа.  Ашәҟәы аԥсуаа рҭоурых аҟны аиҭакра дуқәа ҟазҵаз акакәны иҟоуп. [[1950-1959|1950-тәи ашықәсқәа]] рҽеиҩшамҭаз Москвантәи Аԥсныҟа иааит акомиссиа ҷыда, амилаҭтә политика аилагарақәа ҭызҵаауаз. Ақырҭцәа рцензура шыҟазгьы, [[1992]] шықәсанӡа аԥсуа культура аизҳара аманы иҟан. Ашәҟәы анырҩы ашьҭахь даара аџьамыӷәацәгьа иҭадыргылеит. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи рҭагылазаашьа уадаҩын акыраамҭа. Шьаҟрыл Аԥсны далҵны дымцар ада ԥсыхәа имоуа убри аҩыза аҭагылазаашьа дҭадыргылеит. ==Гь. Ӡиӡариа иусумҭақәа== Гьаргь Ӡиӡариа 400 инареиҳаны аусумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 150 ҭҵаарадырратә усумҭа, 50 монографиа. Гьаргь Ӡиӡариа XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса актәи аԥшьбараки раантәи Аԥсны аҭоурых азы ихатәроу занааҭдырҩын. Иара иҭҵарадырратә усумҭақәа ахрестоматиатә ҵакы рымоуп, аҵарауаа рыбжьара азхаҵара роухьан. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа – XIX ашәышықәсазы иҟаз Аԥсны ауаажәларра рсоциалтә еилазаашьа шьақәзыргылаз, иҭызҵааз раԥхьатәи ҵарауаҩын. Аҵарауаҩ иусумҭа «Аԥсны [[1866]] шықәсатәи ақәгылара» ҭыжьын [[1955]] шықәсазы. Уи ашәҟәы – Гь. Ӡиӡариа раԥхьатәи иҭҵаарадырратә монографиан, аҭҵаарадырратә дунеи аҟны ахьӡ-аԥша изҭаз. «Амҳаџьырреи Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых апроблемақәеи» ҳәа хьӡыс измаз Гьаргь Алықьса-иԥа имонографиа иналукааша усумҭоуп, аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, «XIX ашәышықәсазы Аԥсны иахнагаз арыцҳара ду, Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз зегьы рзы баҟаҵас иҟоу ашықәснҵоуп». Аусумҭа шьаҭас иамоуп хыԥхьаӡара рацәала адокументқәеи, амемуарқәеи, еиуеиԥшым ақалақьқәа ([[Аҟәа]], [[Москва]], [[Ленинград]], [[Қарҭ]], [[Краснодар]]) рархивқәа рҟны автор аус здиулаз. Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даҽа лагала дуны иҟоуп Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтәу имонографиа «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аԥсуа интеллигенциа ашьақәгылара» ҳәа хьӡыс измаз. Ари аусумҭа азы [[1980]] шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ианашьан [[Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа|Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа]]. ==Аҭаацәаратә ԥсҭазаара== Гьаргь Ӡиӡариа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи ауаажәларратә усуреи ирыдҳәалан. Ҳәарада, ари ихатәы ԥсҭазаара ианыԥшуан, иҭаацәара акыр ирныруан, урҭ рзы аамҭа аԥшаара уадаҩын. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариеи иԥшәмаԥхәыс Ольга Александр-иԥҳа Гьериеи ирыман ԥшьҩык ахшара: рыԥҳа Аннетеи, хҩык рԥацәа – Асҭамыри, Гәдисеи, Адгәыри. Аҭаацәараҿы Гьаргь Алықьса-иԥа инапы злакыз аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә усура ихадоу акы акәны ирыԥхьаӡон. Аҵарауаҩ иҷкәын – асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иаб дигәаларшәо абас иҩуеит: «Саб ашьыжь аусурахь дандәықәлоз, сан агәашә аҟынӡа днаскьалгон, имаҭәа даҽазныкгьы амаҭәарыцқьагала днахыс-аахысуан. Убасҟан иара санихәаԥшуаз ацәанырра соуан, аӷба асқьала ныжьны, амшын инхылозшәа. Сара сакәзар, инакәызаалак ибзианы еилыскаауан, саб акыр зҵазкуа аус дшаҿу, уи аус зегь амҽхакны ишыҟоугьы. Ҳара – иҭаацәа гәакьагьы – уи ҳзацлабуамызт». Аҩнытәи, абзазаратәи усқәа рзы аҵарауаҩ аамҭа, шамахамзар, имаӡамызт, амала урҭ иҽырзикуазаргьы, ихы аԥсы аиршьарц азакәын. Иҭаацәара рзы аамҭа рацәа шимамызгьы, Гьаргь Ӡиӡариа ибзиаӡаны еиликаауан ихәыҷқәа аҵара бзиа рыҭара ихадоу акы акәны ишыҟаз. Ӡиӡариа иҭаацәара ду џьара ԥсшьара ацаразы алшара рымамызт, еиҳараӡак ԥсшьара ҳәа Лыхныҟа ицон. ==Иԥсҭазаара иалҵреи игәаларшәареи== Гьаргь Алықьса-иԥа иԥсҭазаара далҵит [[1988]] шықәса [[лаҵарамза 1]] азы, уи иԥшәмаԥҳәыс лдунеи лыԥсахижьҭеи 26 мшы ааҵуаны. Анышә дамадоуп [[Лыхнашҭа]] – иқыҭа гәакьа [[Лыхны]] ихьӡырҳәагоу аҭоурыхтә ашҭа ду аҟны. Ҳаамҭазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иусумҭақәа быжь-томкны аҭыжьра азԥхьагәаҭаны ирымоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы, ԥшьба ҭыҵхьеит, даҽа хԥа ҭыҵраны иҟоуп. Урҭ ирнылараны иҟоуп иналукааша аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырҩ, арҵаҩы ихьӡ инарҭбааны алаҵәара амоуп. Иара дрыҵанакуан асовет аамҭақәа рзы еиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа. Ҿыц ииз аԥсуа республикаҿы аҿиара амҩа рзаатит акультура, аҭҵаарадырра. Ажәлар аҵараиура ргәы аҳәон, ирҭахын аамҭа иақәшәо еиԥш рыԥсадгьыл амаҵ азура рылшо иҟаларц. [[2004]] шықәсазы иаԥҵан [[Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа]], уи аҭҵаарадырра аҟны аихьӡара дуқәа змоу иранашьахоит. Иара ихьӡ рыхҵоуп Аԥсны ақалақьқәа рҟны амҩадуқәа, лассы-лассы еиҿкаахоит ихьӡ зху аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа. [[1995]] шықәсазы аҳәынҭеилакы «Аԥснеимадара» иҭнажьуеит аҵарауаҩ исахьа зну иҷыдоу апошьҭатә марка. [[2014]] шықәсазы [[Аԥсны Абанк]] иҭнажьит Гьаргь Ӡиӡариа 100 шықәса ихыҵра иазкны аиубилеитә ԥсар.<ref>{{Cite web |url=https://nb-ra.org/dzidzariya-georgij-alekseevich.html |title=Каталог "Памятные монеты Абхазии" |access-date=2024-02-20 |website=[[Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк]]}}</ref> ==Алитература== * Г. А. Дзидзария. «Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции» * Г. А. Дзидзария. Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия. Алашара, Сух., 1975, 526 с. * Г. А. Дзидзария. Очерки истории Абхазии. 1910-1921. Тбилиси, 1963. * Г. А. Дзидзария. Присоединение Абхазии к России и его историческое значение. Сух., 1960. * Г. А. Дзидзария. История Абхазии. Учебное пособие. – Алашара, Сух., 1986, 264 с ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Лаҵарамза 6 рзы ииз]] [[Акатегориа:1914 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Лаҵарамза 1 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1988 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа]] [[Акатегориа:Асовет политикцәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 7-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 8-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩцәа]] [[Акатегориа:КПСС алахәылацәа]] [[Акатегориа:Ӡиӡариаа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа]]
Гьаргь Алықьса Ӡиӡариа (, ;, Лыхны ақыҭан — , Аҟәа) — Асовет Еидгыла аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, еицырдыруа кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҵарауаҩ ду, «Ахҩык рысалам шәҟәы» автор. Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан. Гь. Ӡиӡариа инысмҩа Гьаргь Ӡиӡариа диит 1914 шықәса лаҵарамза 6 рзы, Лыхны ақыҭан. Гьаргь иаб – анхаҩы Алықьса Ӡиӡариа, Нестор Лакоба еиҿикааз анхацәа ргәыԥ «Кьараз» далан. Иан – Елизавета Давид-иԥҳа Аҩардан, Зиза ҳәа зарҳәоз– «Кьараз» иалахәыз, еицырдыруа ареволиуционер Игнати Аҩардан иаҳәшьа лакәын. Гьаргь ԥшьышықәса шихыҵуаз иаб диԥхоит, иан лымацара длааӡон. Жәашықәса анихыҵ инаркны Гь. Ӡиӡариа аҵара иҵон Гәдоуҭатәи ахәыҷқәа рыҩны-аинтернат аҟны. Анаҩс, 1929 шықәсазы дҭалоит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол. Уаҟа аҵара иҵонаҵы, азҿлымҳара ӷәӷәа ааирԥшуан аҭоурых амаҭәар ахь, еиҳаракгьы уи ибзоуран ирҵаҩы Алықьса Всеволод-иԥа Фадеев, иара иоуп аҷкәын қәыԥш иеилзыркааз аҭҵаара аус аҟны зегь реиҳа афактқәа шхадароу, убри азы адокументқәеи аршаҳаҭгақәеи реидкылара аҭҵаара аус аҟны зды ԥсыхәа ыҟам шракәу иазҳәаз. Ашкол даналга ашьҭахь, 1934 шықәсазы, Гьаргь Алықьса-иԥа дҭалоит Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут. «Араҟа сара рҵаҩцәас исыман иналукааша аурыс ҭоурыхҭҵааҩцәа – Иури Владимир-иԥа Готие, Евгени Алықьса-иԥа Космински, Михаил Николаи-иԥа Тихомиров, Сергеи Владимир-иԥа Бахрушин, Исаак Израиль-иԥа Минц уҳәа реиԥш иҟаз. Ҳәарада, урҭ анырра ду сырҭеит ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы» – ҳәа иҩуан Гьаргь Ӡиӡариа Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут аҟны аҵара аниҵозтәи ашықәсқәа игәаларшәо. Абарҭ астуденттә шықәсқәа инадыркны ауп, Гьаргь Ӡиӡариа лымкаала Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых даназҿлымҳахаз, урҭ ашықәсқәа рзы иҟаз апроблемақәа даныргәылархалаз. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1939 шықәсазы иара Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы далагоит академик Марр ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи, алитературеи, абызшәеи ринститут аҟны, раԥхьа – аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс – еиҳабыс. 1953 шықәсазы дҟалоит аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩс, 1966 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа – аинститут адиректорс дыҟан. Гь. Ӡиӡариа иҭҵааратәи, ирҵаҩратәи, иҳәынҭқарратәи усура Гьаргь Ӡиӡариа аҭҵаарадырратә усуреи арҵаҩратә усуреи еилеигӡон. 1957 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт еиҳабыс даман, 1939 шықәса инаркны иара убра рҵаҩыс аус иуан. Иара иаԥшьгаралоуп аҭоурыхтә факультет аҟны ишалагалахаз амаҭәар ҿыц – Аԥсны аҭоурых. 1979 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анаԥырҵа, Гьаргь Ӡиӡариа напхгара аиҭоит ауниверситет аҟны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра, аԥхьарагьы далагоит XIX ашәышықәса алагамҭеи XX ашәышықәсеи раантәи Аԥсны аҭоурых иазку алекциақәа ркурс. Аҭоурыхҭҵааҩы Арвелод Кәыпраа иажәақәа рыла, Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Ари аҭҵаарадырратә хырхараҭа имариамыз аҭагылазаашьақәа раан ашьақәгылара мҩаԥысуан, усҟантәи аамҭазы иҟамызт амилаҭтә ҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа. Убарҭ дыруаӡәкхеит Гьаргь Ӡиӡариа. Гьаргь Ӡиӡариа Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондентс дыҟан, Қырҭтәылатәи ССР-и Аԥснытәи АССР-и Рҳәынҭқарратә премиақәа дрыԥсахахьан. 1939 шықәса инаркны ауаажәларратәи аполитикатәи усқәа инапы рылакын. Гьаргь Алықьса-иԥа А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт аректорс дыҟан (1957–1966). 1966–1988 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут еиҳабыс даман. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс (1975–1988), СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи, 7-тәи, 8-тәи ааԥхьарақәа рдепутатс дыҟан. Инапы иҵыҵхьеит ԥшьышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба, аҵарауаҩ ду ҳҭоурых аҿы иааникыло аҭыԥ дазааҭгыло, абас еиԥш азгәеиҭеит: «Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырра ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз дыруаӡәкын, иахьауажәраанӡагьы ус даанхоит. Аԥсуа ҭоурых 19-тәи ашәышықәсеи 20-тәи ашәышықәса актәи азбжеи уанырзыхынҳәуа, иара иӡбахә мҳәакәа узалацәажәаӡом. Иусумҭақәа даара ирацәаӡоуп, еиҳарак убри аамҭазы амҳаџьырра иазкны ииҩқәаз роуп, ҩынтәынгьы иҭыҵит. Раԥхьа 1975 шықәсазы иҭыҵит, нас 1982 шықәсазы еиҭаҭрыжьит». Асовет аамҭазы ацензура ыҟан. Иҟан узлацәажәар ҟамлоз атемақәа. Убарҭ ируакын амҳаџьырра атемагьы. Аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны иахьыхҵәаз уамак иалацәажәаӡомызт усҟантәи аамҭазы. Раԥхьаӡа уи аӡбахә цәырызгазгьы Гьаргь Ӡиӡариа иоуп. Аҭҵаарадырра аус ҳазааҭгылозар, 19-тәи ашәышықәса иара иҟынӡа уарла-шәарла акәын ишыҭҵааз, иааидкыланы ҩымҭа дук ыҟамызт. Гьаргь Алықьса-иԥа афундаменталтә ҟазшьа змоу аҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥиҵахьеит. Асоциалтә еизыҟазаашьақәеи, ақыҭанхамҩеи, Аԥсны аҭагылазаашьеи ирызкуп анаҩстәи иусумҭа ду. Уи идоктортә диссертациа ауп, ашәҟәы дууп. Аԥсны иҟаз анхаҩы, ҭауади-аамсҭеи, ахәуҩы ҳәа иахьа иззаҳҳәо, асоциалтә еиҟарамрақәа иара иоуп раԥхьа инарҭбааны иҭызҵааз. Иара убас, аӡбахә ҳәатәуп урысшәала "Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции" захьӡу амонографиа ду. Иааидкыланы, 1917 шықәсанӡа аԥсуа интеллигенциа реиҵагылара, аҵара змаз ауаа рнысмҩақәа, русумҭақәа рыԥшаараҿы раԥхьаӡа еидкыланы иалагаз иара иоуп, илагала даара идууп ари аус аҿы. «Ахҩык рысалам шәҟәы» Аԥсуаа еснагь ртәыла аҩныҵҟатәи амчқәа еизганы, рҽазыршәон ахеиқәырхара. Ажәлар рыԥсадгьыл аҿы реиқәырхара хықәкыс ишьҭыхны, убри аамҭазы хаҭала рхы ашәарҭара иҭаргыло, аԥсуа интеллигенциа изныкымкәаны Асовет Еидгыла аиҳабырра рышҟа ааԥхьарақәа ҟарҵон, ашәҟәқәа рыҩуан. Урҭ ааԥхьаратә шәҟәқәа иреиуоуп жәабранмза 1947 шықәсазы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыли, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәбеи, иареи ЦК ВКП(б) ахь ирҩыз ашәҟәы. Усҟан Сталин ихаан акәын, игәаӷьыуацәан даара, ақырҭқәа убасҟан имҩаԥыргоз аполитика, аԥсуа школқәа шаркыз, аԥсуа бызшәа уҳәар шыҟамлоз, аԥсуа кадрқәа аусура шрымамыз атәы фактла ишьақәырӷәӷәаны, аҿырԥштәқәа ааганы, ирҩыз ашәҟәоуп иахьа еицырдыруа. Уи иаҳәон аԥсуа жәлар рзинқәа реилагара, 1937 шықәса раахыс аԥсуа интеллигенциа зҭадыргылаз арепрессиақәа, аԥсуа милаҭ аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьадыргылаз атәы. Ма иақырҭцәахароуп, ма ихҵәароуп ҳәа аԥсуаа рхатәыбызшәа анрымырхуаз, рыжәлақәа анырыԥсахуаз, рмилаҭра анырхырхуаз, аҭыԥхьыӡқәа анеицаркуаз аамҭа аанарԥшуан.  Шьаҿа-шьаҿала акыршықәса аус зуаз ашовинисттә программа зхәыцыз рзыҳәан "лҵшәа бзиала" аус ауит, – зықьҩыла аԥсуаа иахьа уажәраанӡа изеиуоу рзымдыруа рыхдырра еилархәеит. Уажәшьҭа урҭ аԥсуаа рыхдырра иаша ашьақәыргыларазы еиҭа убасҟак аамҭа аҭаххоит, еиҳангьы алшарақәа аҭаххоит… Амала, аӷа ихы иаирхәоз аметодқәа рыла акәымкәа, азхьарԥшрала, азырхәыцрала, аилыркаарала. Раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа зеиԥш уаажәларреи мырзаҟанааи рыбжьара аимадарақәа бжьаҵатәуп. Мырзаҟанаа рыҩныҵҟа иҟоуп зхы здыруа – изхылҵыз, измилаҭу, изықәшәаз аҭоурыхтә мыҟәмабара иазҿлымҳау. Иҟоуп иззымдыруагьы. Аҵыхәтәантәиқәа рзыҳәа еиҳараӡакгьы аус ауроуп аԥсуа телехәаԥшра, арадио, агазеҭ, ажурнал. Аҭоурыхтә фактқәеи аргументқәеи шьаҭас измоу ҳҵарауаа рыҭҵаамҭақәеи, ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи мырзаҟанаа рыхдырра арҽеиразы аус руртә азнеишьа аформақәа рзыԥшаатәуп. Иахьазы зхатәы бызшәа аҵара агәаҳәара змоу уи аҩыза алшара рыҭатәуп, агәаҳәара змамгьы иазҿлымҳахартә аҭагылазаашьа рзаԥҵатәуп ашколқәа рҿеиԥш, абызшәа арҵаратә центрқәа рҿгьы ҳәа.  Ашәҟәы аԥсуаа рҭоурых аҟны аиҭакра дуқәа ҟазҵаз акакәны иҟоуп. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз Москвантәи Аԥсныҟа иааит акомиссиа ҷыда, амилаҭтә политика аилагарақәа ҭызҵаауаз. Ақырҭцәа рцензура шыҟазгьы, 1992 шықәсанӡа аԥсуа культура аизҳара аманы иҟан. Ашәҟәы анырҩы ашьҭахь даара аџьамыӷәацәгьа иҭадыргылеит. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи рҭагылазаашьа уадаҩын акыраамҭа. Шьаҟрыл Аԥсны далҵны дымцар ада ԥсыхәа имоуа убри аҩыза аҭагылазаашьа дҭадыргылеит. Гь. Ӡиӡариа иусумҭақәа Гьаргь Ӡиӡариа 400 инареиҳаны аусумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 150 ҭҵаарадырратә усумҭа, 50 монографиа. Гьаргь Ӡиӡариа XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса актәи аԥшьбараки раантәи Аԥсны аҭоурых азы ихатәроу занааҭдырҩын. Иара иҭҵарадырратә усумҭақәа ахрестоматиатә ҵакы рымоуп, аҵарауаа рыбжьара азхаҵара роухьан. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа – XIX ашәышықәсазы иҟаз Аԥсны ауаажәларра рсоциалтә еилазаашьа шьақәзыргылаз, иҭызҵааз раԥхьатәи ҵарауаҩын. Аҵарауаҩ иусумҭа «Аԥсны 1866 шықәсатәи ақәгылара» ҭыжьын 1955 шықәсазы. Уи ашәҟәы – Гь. Ӡиӡариа раԥхьатәи иҭҵаарадырратә монографиан, аҭҵаарадырратә дунеи аҟны ахьӡ-аԥша изҭаз. «Амҳаџьырреи Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых апроблемақәеи» ҳәа хьӡыс измаз Гьаргь Алықьса-иԥа имонографиа иналукааша усумҭоуп, аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, «XIX ашәышықәсазы Аԥсны иахнагаз арыцҳара ду, Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз зегьы рзы баҟаҵас иҟоу ашықәснҵоуп». Аусумҭа шьаҭас иамоуп хыԥхьаӡара рацәала адокументқәеи, амемуарқәеи, еиуеиԥшым ақалақьқәа (Аҟәа, Москва, Ленинград, Қарҭ, Краснодар) рархивқәа рҟны автор аус здиулаз. Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даҽа лагала дуны иҟоуп Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтәу имонографиа «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аԥсуа интеллигенциа ашьақәгылара» ҳәа хьӡыс измаз. Ари аусумҭа азы 1980 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа. Аҭаацәаратә ԥсҭазаара Гьаргь Ӡиӡариа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи ауаажәларратә усуреи ирыдҳәалан. Ҳәарада, ари ихатәы ԥсҭазаара ианыԥшуан, иҭаацәара акыр ирныруан, урҭ рзы аамҭа аԥшаара уадаҩын. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариеи иԥшәмаԥхәыс Ольга Александр-иԥҳа Гьериеи ирыман ԥшьҩык ахшара: рыԥҳа Аннетеи, хҩык рԥацәа – Асҭамыри, Гәдисеи, Адгәыри. Аҭаацәараҿы Гьаргь Алықьса-иԥа инапы злакыз аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә усура ихадоу акы акәны ирыԥхьаӡон. Аҵарауаҩ иҷкәын – асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иаб дигәаларшәо абас иҩуеит: «Саб ашьыжь аусурахь дандәықәлоз, сан агәашә аҟынӡа днаскьалгон, имаҭәа даҽазныкгьы амаҭәарыцқьагала днахыс-аахысуан. Убасҟан иара санихәаԥшуаз ацәанырра соуан, аӷба асқьала ныжьны, амшын инхылозшәа. Сара сакәзар, инакәызаалак ибзианы еилыскаауан, саб акыр зҵазкуа аус дшаҿу, уи аус зегь амҽхакны ишыҟоугьы. Ҳара – иҭаацәа гәакьагьы – уи ҳзацлабуамызт». Аҩнытәи, абзазаратәи усқәа рзы аҵарауаҩ аамҭа, шамахамзар, имаӡамызт, амала урҭ иҽырзикуазаргьы, ихы аԥсы аиршьарц азакәын. Иҭаацәара рзы аамҭа рацәа шимамызгьы, Гьаргь Ӡиӡариа ибзиаӡаны еиликаауан ихәыҷқәа аҵара бзиа рыҭара ихадоу акы акәны ишыҟаз. Ӡиӡариа иҭаацәара ду џьара ԥсшьара ацаразы алшара рымамызт, еиҳараӡак ԥсшьара ҳәа Лыхныҟа ицон. Иԥсҭазаара иалҵреи игәаларшәареи Гьаргь Алықьса-иԥа иԥсҭазаара далҵит 1988 шықәса лаҵарамза 1 азы, уи иԥшәмаԥҳәыс лдунеи лыԥсахижьҭеи 26 мшы ааҵуаны. Анышә дамадоуп Лыхнашҭа – иқыҭа гәакьа Лыхны ихьӡырҳәагоу аҭоурыхтә ашҭа ду аҟны. Ҳаамҭазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иусумҭақәа быжь-томкны аҭыжьра азԥхьагәаҭаны ирымоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы, ԥшьба ҭыҵхьеит, даҽа хԥа ҭыҵраны иҟоуп. Урҭ ирнылараны иҟоуп иналукааша аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырҩ, арҵаҩы ихьӡ инарҭбааны алаҵәара амоуп. Иара дрыҵанакуан асовет аамҭақәа рзы еиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа. Ҿыц ииз аԥсуа республикаҿы аҿиара амҩа рзаатит акультура, аҭҵаарадырра. Ажәлар аҵараиура ргәы аҳәон, ирҭахын аамҭа иақәшәо еиԥш рыԥсадгьыл амаҵ азура рылшо иҟаларц. 2004 шықәсазы иаԥҵан Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, уи аҭҵаарадырра аҟны аихьӡара дуқәа змоу иранашьахоит. Иара ихьӡ рыхҵоуп Аԥсны ақалақьқәа рҟны амҩадуқәа, лассы-лассы еиҿкаахоит ихьӡ зху аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа. 1995 шықәсазы аҳәынҭеилакы «Аԥснеимадара» иҭнажьуеит аҵарауаҩ исахьа зну иҷыдоу апошьҭатә марка. 2014 шықәсазы Аԥсны Абанк иҭнажьит Гьаргь Ӡиӡариа 100 шықәса ихыҵра иазкны аиубилеитә ԥсар. Алитература Г. А. Дзидзария. «Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции» Г. А. Дзидзария. Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия. Алашара, Сух., 1975, 526 с. Г. А. Дзидзария. Очерки истории Абхазии. 1910-1921. Тбилиси, 1963. Г. А. Дзидзария. Присоединение Абхазии к России и его историческое значение. Сух., 1960. Г. А. Дзидзария. История Абхазии. Учебное пособие. – Алашара, Сух., 1986, 264 с Азгәаҭақәа Акатегориа:Лаҵарамза 6 рзы ииз Акатегориа:1914 шықәсазы ииз Акатегориа:Лаҵарамза 1 рзы иԥсыз Акатегориа:1988 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны аполитикцәа Акатегориа:Асовет политикцәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 7-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 8-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩцәа Акатегориа:КПСС алахәылацәа Акатегориа:Ӡиӡариаа Акатегориа:Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа
37345
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ԥачалиа,_Шәарах_Абзагә-иԥа
Ԥачалиа, Шәарах Абзагә-иԥа
{{Акарточка артист |ахьӡ=Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа}} '''Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа''' ({{lang-ru|Шарах Абзагович Пачалия}}, {{lang-ka|შარახ ფაჩალია}}; {{date|20|5|1914}} [[Аацы]] ақыҭа — {{date||11|2000}}, [[Аҟәа]]) – [[Аԥсуаа|Аԥсуа]], [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|асоветтә]] театри, акинои [[Актиорра|рактиор]], [[Атеатртә режиссиор|арежиссиор]], [[Адраматургиа|адраматург]]. Уи дыруаӡәкуп аԥсуа милаҭтә профессионалтә театр раԥхьатәи аусзуҩцәа. Аԥсуа сценаҿы жәабала арольқәа наигӡахьан. [[1940]] шықәсазы ианашьахоит [[Аԥснытәи АССР Жәлар рартист]] ҳәа ахьӡ. 15 шықәса рышьҭахь, [[1955]] шықәсазы [[Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист]] ҳәа ахьӡ ихырҵеит, [[1982]] шықәсазы [[СССР Жәлар рартист]] ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсахеит. Шәарах Ԥачалиа [[1976]] шықәса инаркны [[1988]] шықәсанӡа [[С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр]] хадара азиуан. Иара иоуп [[Тҟәарчалтәи акомедиатә театр]] ашьаҭаркҩы. [[2001]] шықәсазы Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахҵан. Шәарах Ԥачалиа 150 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит.<ref>http://apsnyteka.org/3847-Pachalia_Sh_Maritsa_1988_abh.html</ref> ==Анысмҩа== Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа диит [[Тҟәарчал|лаҵарамза 20]], [[1914]] шықәсазы, Аԥсны, Гәдоуҭа араион [[Аацы]] ақыҭан. 1931 шықәсазы Шәарах далгоит [[Аҟәатәи адраматә студиа]], анаҩс аҵара иҵон В. И. Домогарови К. Ф. Ӡиӡариеи рыҟны. [[1939]] шықәсазы [[Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Қарҭтәи атеатр]] иатәыз атеатртә студиа далгеит. 1931–[[1961]]-тәи ашықәсқәа, нас [[1966]] шықәса инаркны Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа – [[Самсон Иаков-иԥа Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр]] актоирси арежиссирси дыҟан. [[1976]] шықәса инаркны [[1988]] шықәсанӡа Аԥсуа драматә театр адиректорс аус иуан. 150 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит. [[1960-1969|1960-тәи ашықәсқәа]] ралагамҭазы шықәсқәак аус иуан [[Ижевск]], уа [[Удмуртиатәи адраматә театр]] арежиссиорс дыҟан, иара убас, напхгара аиҭон [[Тҟәарчалтәи ашахтиорцәа ртеатр]]. [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Дырмит Гәлиа]] ицхыраарала, усҟан [[Аԥсны аҟазара]] аусқәа рзы ахеилак аиҳабыс аус зуаз, Шәарах Ԥачалиа [[Москва]] [[Раевски, Иосиф Моисе-иԥа |И. М. Раевски]] иҟны [[Урыстәылатәи атеатртә ҟазара аинститут|ГИТИС]] арежиссиор икурсқәа дрылгоит. Шәарах Ԥачалиа [[Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа]] асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. [[1970-1979|1970-тәи ашықәсазы]] афилармониа аҟны иаԥҵаз аминиатиурақәа ртеатр «Чарирама» ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкхеит, иара убасгьы, атеатр актиорс дыҟан, амоноспектакльқәа иманы дықәгылон. Аминиатиуратә театр арепертуар аҟны иҟан [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Д. Гәлиа]], [[Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа|Б. Шьынқәба]], [[Папасқьыр, Иван Гьаргь-иԥа|И. Папасқьыр]], [[Лакрба, Миха Алеқсандр-иԥа|М. Лакрба]], [[Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа|Гь. Гәлиа]], [[Ҷкадуа, Шьоҭа Еугьан-иԥа|Шь. Ҷкадуа]], А. Аргәын. П. Бебиа, Џь. Аҳәба, Н. Ҳашыг, А. Возба уҳәа аӡәырҩы рҩымҭақәа. Шәарах иоуп иаԥызҵаз [[Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр]], насгьы ашьаҭаркҩыси анапхгаҩыси иҟаз. Шәарах Ԥачалиа «Ачара ду» (1942), «Гәында» (1957), «ԥсра зқәым», «Мазлоу зегьы злоу», «Иҭахаз ақыҭа», «Салуман» уҳәа авторс дрымоуп. Акомедиа «Гәында» ықәыргылан [[Ужгород Закарпаттәи Украина амузыка-драматә театр]] асцена аҟны. Шәарах Ԥачалиа ҩ-шәҟәык – «Сара сзанааҭи» «Актиор имҩеи» авторс дрымоуп. Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа иԥсҭазаара далҵит [[2000]] шықәсазы. Анышә дамадоуп Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи Аҟәатәи рпантеон аҟны.<ref>https://abaza.org/abk/astsenei-apstazaarei-asovet-eidgyla-zhlar-rartist-sharakh-pachalia-itourykh</ref> ==Раԥхьатәи аԥсуа профессионал== Актиор иқәыԥшра шықәсқәа ҭәын ашкол аҟны еиҿыркаауаз атеатралтә қәгыларақәеи, иҩызцәеи иареи ашьапылампыл реицасрақәеи рыла. Усҟан ухаҿы иузаагомызт, Аацытәи ақыҭаҷкәын адунеи аҟны еицырдыруа, [[Асовет Еидгыла Жәлар рартист]]ны дҟалоит ҳәа. Шәарах актиортә мҩа данылеит Аҟәатәи атеатртә студиа аҟны. Ирҵаҩцәа дыруаӡәкын еицырдыруа аԥсуа милаҭтә кульутра аусзуҩы Кондрат Ӡиӡариа. Анаҩс, Ԥачалиа иҵара иациҵеит [[Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатр]] иаҵанакуаз астудиаҿы. Ҳәарада, актиорра илахь ианын уҳәар ҟалоит, инаигӡоз арольқәа зегьы идыршаҳаҭуан абаҩхатәра ду шилаз. Иаԥхьаҟа изыԥшын хыԥхьаӡара рацәала арольқәа – атеатр аҟны еиԥш, акино аҿгьы. Раԥхьаӡакәны аԥсуа хәаԥшцәа Ԥачалиа асценаҿы дырбеит [[1931]] шықәсазы, дшыстудентыз. Ԥачалиа аԥсуа хәаԥшцәа зегь реиҳа бзиа ирбоз актиорцәа дыруаӡәкын, иара изы анапеинҟьара еигӡомызт. Шәарах ирольқәа рҟынтә ахәаԥшцәа зегь реиҳа иргәаԥхоз – Иаго ироль акәын, Шекспир ипиеса «Отелло» аҟны ихадоу аперсонажцәа ируаӡәкыз. Иааизакны, Ԥачалиа асценаҿы 150 инареиҳаны арольқәа наигӡеит. Асценаҿы ақәгылара адагьы, [[1939]] шықәса инаркны аспектакльқәа ықәиргылон, убасгьы атеатр азы иҩхьан апиесақәа, иаҳҳәап: «Ачара ду», «Гәында». [[1940]] шықәсазы ианашьахоит [[Аԥснытәи АССР Жәлар рартист]] ҳәа ахьӡ. 15 шықәса рышьҭахь, [[1955]] шықәсазы - [[Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист]] ҳәа. [[1966]] шықәсазы Ԥачалиа дхынҳәуеит [[С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр]] ахь, [[1976]] шықәса инаркны [[1988]] шықәсанӡа уи атеатр хадара азиуан. ==Аҭаацәаратә ԥсҭазаара== Шәарах Ԥачалиа лымкаала бзиа дибон имаҭа заҵәы Марица Кәачаа, абык иеиԥш дылзыҟан. Иахьазы Марица дынхоит, аусгьы луеит Аҟәа. Лабду иԥсҭазаара даналҵуаз 16 шықәса ракәын илхыҵуаз. Марица, лажәақәа рыла, лабду есымша дылзыџьбаран, аха даараӡа бзиа дибон. Иагьазгәалҭоит, зегьы рзы илеишәа шыцәгьаз, ихахьы иигоз аҭакԥхықәрагьы шырацәаз атәы. Лара иазгәалҭоит, лабду аламыс змаз, зтеатр бзиа избоз уаҩны дшыҟаз. Марица лажәақәа рыла, еицырдыруа артист абдус имазаара насыԥ дуӡӡоуп.<ref>http://spapsny.org/%D0%B0%D0%BB%D0%B0%D1%88%D0%B0%D1%80%D0%B0_3.pdf</ref> ==Тҟәарчалтәи атеатр аԥҵаҩы== [[1992]]–[[1993]] шықәсқәа рзтәи [[Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра]] анеилга ашьҭахь, Шәарах Ԥачалиа [[Тҟәарчал]] атеатртә кружок еиҿикаауеит. Ҳәарада, уи агәыԥ иалахәыз зегьы апрофессионалтә актиорцәа ракәымызт, аха асцена гәыла иазнеиуан. Аибашьра ашьҭахьтәи Тҟәарчал азы атеатртә гәыԥ ацәырҵра – хҭыс дуун. Ауааԥсыра аспектакльқәа рахь иныҟәон, уажәгьы Тҟәарчал «ажәытә нхацәа» иргәалашәоит урҭ аамҭақәа. Уи атеатр иахьагьы аус ауеит.Иџьбараз, абаҩхатәра дуи, аламыси, ауаҩреи злаз Шәарах Ԥачалиа ухаҿы дааугарц азы иуҳәаша аепитетқәа рацәаӡоуп. Шәарах Ԥачалиа – аҟазареи ахӡырымгареи дырҿырԥшыгоуп. Иара иаҳзынижьит акы иуцәаламҩашьо аԥсуа театри акинои рдунеи. Тҟәарчал анкьа даара зегь рыла ибеиаз қалақьын, уи атәы рҳәоит знык иадамхаргьы аибашьра ҟалаанӡа уи аҭаара иахьӡаз зегьы. Ара аҿар рыԥсшьараамҭа ахьырхыргоз аҭыԥқәа еиҿкаан. Убас иҟаз иреиуан ашахтаргылаҩцәа рыклуб, араҟа еиҿкаан адраматә кружокгьы. Уи раԥхьаӡа еиҿызкааз, напхгара азҭоз [[1955]] шықәса инаркны Асҭамыр Цыба иакәын. Ари акружок иалаз раԥхьатәи актиорцәа иреиуан Шьалуа Ҵәыџьба (анаҩс Тҟәарчалтәи атеатр напхгара азҭоз), Даҭикәа Григолиа, Вианор Какоба, Заира Амқәаб, Арда Харчлаа, Вальтер ԥачлиа, Ҷыҷыкәа Харчлаа, Теренти Қәычбериа, Иура Џьынџьал уҳәа. [[Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр]] ашьақәгылараҿы ацхыраара дуӡӡа ҟарҵеит еицырдыруа Аԥсны жәлар рартистцәа: Шәарах Ԥачалиа, Мираб Ҷыҭанаа, Нур Кәарҷиа, Нурбеи Камкьиа, Шьалуа Гыцба, Сырбеи Сангәылиа (иахьа атеатр арежиссиорс иҟоу). Аха зегь раԥхьаӡа иӡбахә ҳәатәуп ари атеатр аҳәынҭқарратә ҳәа ахьӡ аиура зыбзоурахаз Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа. Раԥхьаӡагьы ари жәлар ркомедиатә театр аҟны режиссиорс иҟалазгьы иара иоуп. [[1957]] шықәсазы иқәыргылан Ԥачалиа ииҩыз акомедиа "Ачара ду". [[1958]] шықәсазы иқәиргылеит [[Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа|Самсон Ҷанба]] идрама "Амҳаџьыр". Абри апиеса ықәыргылан [[Қарҭ]], ахаԥшьгаратә гәыԥқәа рфестиваль аҟны [[1961]] шықәсазы, убасҟан ари адраматә кружок иаиуит ахьӡ Аԥсны жәлар рдраматә театр ҳәа. 1992 шықәсазы Тҟәарчалтәи акомедиатә театр ҳәа ахьӡ ахырҵеит. Уи инамадангьы атеатр апремиера ҿыц ақәыргылара аҽазыҟаҵара иаҿын, аха усҟан иаарылаҩит ахлымӡаах жәабжь, Аԥсны ақырҭцәа ақәлеит, аибашьра иалагеит ҳәа. Атеатр актиорцәа еибашьра ицеит: ари аибашьраҿы иҭахеит актиорцәа ҿарацәа Вахтанг Матуа, Ҭамаз Ҳаџьымба, Гена Кархалаа, еибашьуан егьырҭ атеатр амаҵ азызуазгьы. Аха ус шакәызгьы, аибашьра анцозгьы дара апозициақәа рҿы аскетчқәа ықәдыргылон. Шәарах Ԥачалиа аҵыхәтәантәи исалам шәҟәқәа [[1997]], [[1998]] шықәсқәа рзы иҩу рҟны иааирԥшуеит Тҟәарчалтәи атеатр игәы шазыбылуа, уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы игәы ишыҵхо, анапхгаҩи актиорцәеи ирабжьигоит русура шеиҿыркааша атәы, иара игәамбзиара иахҟьаны шьҭа Тҟәарчал дзаауамызт, анапхгареи азыҟаҵареи Шьалуа Ҵәыџьба ихәда иқәлоит. Анаҩс, ари атеатр акырынтә арежиссиорцәа рыԥсахит, аха Шәарах Абзагә-иԥа ихаантәи реизҳазыӷьара иахьагьы аӡбахә рҳәоит. Уи инапхгарала Тҟәарчалтәи атеатр имҩаԥнагеит Аԥсны анҭыҵтәи агастрольқәа жәпакы, [[Нхыҵ-Кавказ]]тәи афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа ргон. [[2001]] шықәсазы Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахҵан.<ref>http://nl-ra.ru/images/pdf/Kalendar_2014.pdf</ref> ==Ахархәара змоу алитература== * Шәарах Ԥачалиа. Марица. Аҟәа. "Алашара", 1988ш. * Михаил Лакербай. Очерки истории абхазского театрального искусства. Сухум. Абгосиздат, 1957г. * А. Аргун. История абхазского театра. Сухум. «Алашара», 1978 г. * Алексей Аргун-Театр абхазов конца ХХ века, Сухум. "Алашара", 2001 ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Лаҵарамза 20 рзы ииз]] [[Акатегориа:1914 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:2000 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны актиорцәа]] [[Акатегориа:Асовет актиорцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи актиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны атеатртә режиссиорцәа]] [[Акатегориа:Асовет театртә режиссиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны адраматургцәа]] [[Акатегориа:Асовет драматургцәа]] [[Акатегориа:СССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аусзуҩцәа]] [[Акатегориа:Удмуртиатәи адраматә театр аусзуҩцәа]] [[Акатегориа:Ԥачалиаа]]
Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа (, ; Аацы ақыҭа — , Аҟәа) – Аԥсуа, асоветтә театри, акинои рактиор, арежиссиор, адраматург. Уи дыруаӡәкуп аԥсуа милаҭтә профессионалтә театр раԥхьатәи аусзуҩцәа. Аԥсуа сценаҿы жәабала арольқәа наигӡахьан. 1940 шықәсазы ианашьахоит Аԥснытәи АССР Жәлар рартист ҳәа ахьӡ. 15 шықәса рышьҭахь, 1955 шықәсазы Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихырҵеит, 1982 шықәсазы СССР Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсахеит. Шәарах Ԥачалиа 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр хадара азиуан. Иара иоуп Тҟәарчалтәи акомедиатә театр ашьаҭаркҩы. 2001 шықәсазы Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахҵан. Шәарах Ԥачалиа 150 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит.http://apsnyteka.org/3847-Pachalia_Sh_Maritsa_1988_abh.html Анысмҩа Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа диит лаҵарамза 20, 1914 шықәсазы, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. 1931 шықәсазы Шәарах далгоит Аҟәатәи адраматә студиа, анаҩс аҵара иҵон В. И. Домогарови К. Ф. Ӡиӡариеи рыҟны. 1939 шықәсазы Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Қарҭтәи атеатр иатәыз атеатртә студиа далгеит. 1931–1961-тәи ашықәсқәа, нас 1966 шықәса инаркны Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа – Самсон Иаков-иԥа Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актоирси арежиссирси дыҟан. 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа Аԥсуа драматә театр адиректорс аус иуан. 150 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит. 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы шықәсқәак аус иуан Ижевск, уа Удмуртиатәи адраматә театр арежиссиорс дыҟан, иара убас, напхгара аиҭон Тҟәарчалтәи ашахтиорцәа ртеатр. Дырмит Гәлиа ицхыраарала, усҟан Аԥсны аҟазара аусқәа рзы ахеилак аиҳабыс аус зуаз, Шәарах Ԥачалиа Москва И. М. Раевски иҟны ГИТИС арежиссиор икурсқәа дрылгоит. Шәарах Ԥачалиа Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. 1970-тәи ашықәсазы афилармониа аҟны иаԥҵаз аминиатиурақәа ртеатр «Чарирама» ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкхеит, иара убасгьы, атеатр актиорс дыҟан, амоноспектакльқәа иманы дықәгылон. Аминиатиуратә театр арепертуар аҟны иҟан Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, И. Папасқьыр, М. Лакрба, Гь. Гәлиа, Шь. Ҷкадуа, А. Аргәын. П. Бебиа, Џь. Аҳәба, Н. Ҳашыг, А. Возба уҳәа аӡәырҩы рҩымҭақәа. Шәарах иоуп иаԥызҵаз Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр, насгьы ашьаҭаркҩыси анапхгаҩыси иҟаз. Шәарах Ԥачалиа «Ачара ду» (1942), «Гәында» (1957), «ԥсра зқәым», «Мазлоу зегьы злоу», «Иҭахаз ақыҭа», «Салуман» уҳәа авторс дрымоуп. Акомедиа «Гәында» ықәыргылан Ужгород Закарпаттәи Украина амузыка-драматә театр асцена аҟны. Шәарах Ԥачалиа ҩ-шәҟәык – «Сара сзанааҭи» «Актиор имҩеи» авторс дрымоуп. Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәсазы. Анышә дамадоуп Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи Аҟәатәи рпантеон аҟны.https://abaza.org/abk/astsenei-apstazaarei-asovet-eidgyla-zhlar-rartist-sharakh-pachalia-itourykh Раԥхьатәи аԥсуа профессионал Актиор иқәыԥшра шықәсқәа ҭәын ашкол аҟны еиҿыркаауаз атеатралтә қәгыларақәеи, иҩызцәеи иареи ашьапылампыл реицасрақәеи рыла. Усҟан ухаҿы иузаагомызт, Аацытәи ақыҭаҷкәын адунеи аҟны еицырдыруа, Асовет Еидгыла Жәлар рартистны дҟалоит ҳәа. Шәарах актиортә мҩа данылеит Аҟәатәи атеатртә студиа аҟны. Ирҵаҩцәа дыруаӡәкын еицырдыруа аԥсуа милаҭтә кульутра аусзуҩы Кондрат Ӡиӡариа. Анаҩс, Ԥачалиа иҵара иациҵеит Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатр иаҵанакуаз астудиаҿы. Ҳәарада, актиорра илахь ианын уҳәар ҟалоит, инаигӡоз арольқәа зегьы идыршаҳаҭуан абаҩхатәра ду шилаз. Иаԥхьаҟа изыԥшын хыԥхьаӡара рацәала арольқәа – атеатр аҟны еиԥш, акино аҿгьы. Раԥхьаӡакәны аԥсуа хәаԥшцәа Ԥачалиа асценаҿы дырбеит 1931 шықәсазы, дшыстудентыз. Ԥачалиа аԥсуа хәаԥшцәа зегь реиҳа бзиа ирбоз актиорцәа дыруаӡәкын, иара изы анапеинҟьара еигӡомызт. Шәарах ирольқәа рҟынтә ахәаԥшцәа зегь реиҳа иргәаԥхоз – Иаго ироль акәын, Шекспир ипиеса «Отелло» аҟны ихадоу аперсонажцәа ируаӡәкыз. Иааизакны, Ԥачалиа асценаҿы 150 инареиҳаны арольқәа наигӡеит. Асценаҿы ақәгылара адагьы, 1939 шықәса инаркны аспектакльқәа ықәиргылон, убасгьы атеатр азы иҩхьан апиесақәа, иаҳҳәап: «Ачара ду», «Гәында». 1940 шықәсазы ианашьахоит Аԥснытәи АССР Жәлар рартист ҳәа ахьӡ. 15 шықәса рышьҭахь, 1955 шықәсазы - Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист ҳәа. 1966 шықәсазы Ԥачалиа дхынҳәуеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахь, 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа уи атеатр хадара азиуан. Аҭаацәаратә ԥсҭазаара Шәарах Ԥачалиа лымкаала бзиа дибон имаҭа заҵәы Марица Кәачаа, абык иеиԥш дылзыҟан. Иахьазы Марица дынхоит, аусгьы луеит Аҟәа. Лабду иԥсҭазаара даналҵуаз 16 шықәса ракәын илхыҵуаз. Марица, лажәақәа рыла, лабду есымша дылзыџьбаран, аха даараӡа бзиа дибон. Иагьазгәалҭоит, зегьы рзы илеишәа шыцәгьаз, ихахьы иигоз аҭакԥхықәрагьы шырацәаз атәы. Лара иазгәалҭоит, лабду аламыс змаз, зтеатр бзиа избоз уаҩны дшыҟаз. Марица лажәақәа рыла, еицырдыруа артист абдус имазаара насыԥ дуӡӡоуп.http://spapsny.org/%D0%B0%D0%BB%D0%B0%D1%88%D0%B0%D1%80%D0%B0_3.pdf Тҟәарчалтәи атеатр аԥҵаҩы 1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, Шәарах Ԥачалиа Тҟәарчал атеатртә кружок еиҿикаауеит. Ҳәарада, уи агәыԥ иалахәыз зегьы апрофессионалтә актиорцәа ракәымызт, аха асцена гәыла иазнеиуан. Аибашьра ашьҭахьтәи Тҟәарчал азы атеатртә гәыԥ ацәырҵра – хҭыс дуун. Ауааԥсыра аспектакльқәа рахь иныҟәон, уажәгьы Тҟәарчал «ажәытә нхацәа» иргәалашәоит урҭ аамҭақәа. Уи атеатр иахьагьы аус ауеит.Иџьбараз, абаҩхатәра дуи, аламыси, ауаҩреи злаз Шәарах Ԥачалиа ухаҿы дааугарц азы иуҳәаша аепитетқәа рацәаӡоуп. Шәарах Ԥачалиа – аҟазареи ахӡырымгареи дырҿырԥшыгоуп. Иара иаҳзынижьит акы иуцәаламҩашьо аԥсуа театри акинои рдунеи. Тҟәарчал анкьа даара зегь рыла ибеиаз қалақьын, уи атәы рҳәоит знык иадамхаргьы аибашьра ҟалаанӡа уи аҭаара иахьӡаз зегьы. Ара аҿар рыԥсшьараамҭа ахьырхыргоз аҭыԥқәа еиҿкаан. Убас иҟаз иреиуан ашахтаргылаҩцәа рыклуб, араҟа еиҿкаан адраматә кружокгьы. Уи раԥхьаӡа еиҿызкааз, напхгара азҭоз 1955 шықәса инаркны Асҭамыр Цыба иакәын. Ари акружок иалаз раԥхьатәи актиорцәа иреиуан Шьалуа Ҵәыџьба (анаҩс Тҟәарчалтәи атеатр напхгара азҭоз), Даҭикәа Григолиа, Вианор Какоба, Заира Амқәаб, Арда Харчлаа, Вальтер ԥачлиа, Ҷыҷыкәа Харчлаа, Теренти Қәычбериа, Иура Џьынџьал уҳәа. Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр ашьақәгылараҿы ацхыраара дуӡӡа ҟарҵеит еицырдыруа Аԥсны жәлар рартистцәа: Шәарах Ԥачалиа, Мираб Ҷыҭанаа, Нур Кәарҷиа, Нурбеи Камкьиа, Шьалуа Гыцба, Сырбеи Сангәылиа (иахьа атеатр арежиссиорс иҟоу). Аха зегь раԥхьаӡа иӡбахә ҳәатәуп ари атеатр аҳәынҭқарратә ҳәа ахьӡ аиура зыбзоурахаз Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа. Раԥхьаӡагьы ари жәлар ркомедиатә театр аҟны режиссиорс иҟалазгьы иара иоуп. 1957 шықәсазы иқәыргылан Ԥачалиа ииҩыз акомедиа "Ачара ду". 1958 шықәсазы иқәиргылеит Самсон Ҷанба идрама "Амҳаџьыр". Абри апиеса ықәыргылан Қарҭ, ахаԥшьгаратә гәыԥқәа рфестиваль аҟны 1961 шықәсазы, убасҟан ари адраматә кружок иаиуит ахьӡ Аԥсны жәлар рдраматә театр ҳәа. 1992 шықәсазы Тҟәарчалтәи акомедиатә театр ҳәа ахьӡ ахырҵеит. Уи инамадангьы атеатр апремиера ҿыц ақәыргылара аҽазыҟаҵара иаҿын, аха усҟан иаарылаҩит ахлымӡаах жәабжь, Аԥсны ақырҭцәа ақәлеит, аибашьра иалагеит ҳәа. Атеатр актиорцәа еибашьра ицеит: ари аибашьраҿы иҭахеит актиорцәа ҿарацәа Вахтанг Матуа, Ҭамаз Ҳаџьымба, Гена Кархалаа, еибашьуан егьырҭ атеатр амаҵ азызуазгьы. Аха ус шакәызгьы, аибашьра анцозгьы дара апозициақәа рҿы аскетчқәа ықәдыргылон. Шәарах Ԥачалиа аҵыхәтәантәи исалам шәҟәқәа 1997, 1998 шықәсқәа рзы иҩу рҟны иааирԥшуеит Тҟәарчалтәи атеатр игәы шазыбылуа, уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы игәы ишыҵхо, анапхгаҩи актиорцәеи ирабжьигоит русура шеиҿыркааша атәы, иара игәамбзиара иахҟьаны шьҭа Тҟәарчал дзаауамызт, анапхгареи азыҟаҵареи Шьалуа Ҵәыџьба ихәда иқәлоит. Анаҩс, ари атеатр акырынтә арежиссиорцәа рыԥсахит, аха Шәарах Абзагә-иԥа ихаантәи реизҳазыӷьара иахьагьы аӡбахә рҳәоит. Уи инапхгарала Тҟәарчалтәи атеатр имҩаԥнагеит Аԥсны анҭыҵтәи агастрольқәа жәпакы, Нхыҵ-Кавказтәи афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа ргон. 2001 шықәсазы Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахҵан.http://nl-ra.ru/images/pdf/Kalendar_2014.pdf Ахархәара змоу алитература Шәарах Ԥачалиа. Марица. Аҟәа. "Алашара", 1988ш. Михаил Лакербай. Очерки истории абхазского театрального искусства. Сухум. Абгосиздат, 1957г. А. Аргун. История абхазского театра. Сухум. «Алашара», 1978 г. Алексей Аргун-Театр абхазов конца ХХ века, Сухум. "Алашара", 2001 Азгәаҭақәа Акатегориа:Лаҵарамза 20 рзы ииз Акатегориа:1914 шықәсазы ииз Акатегориа:2000 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны актиорцәа Акатегориа:Асовет актиорцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи актиорцәа Акатегориа:Аԥсны атеатртә режиссиорцәа Акатегориа:Асовет театртә режиссиорцәа Акатегориа:Аԥсны адраматургцәа Акатегориа:Асовет драматургцәа Акатегориа:СССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аусзуҩцәа Акатегориа:Удмуртиатәи адраматә театр аусзуҩцәа Акатегориа:Ԥачалиаа
37344
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ақәранҵыра_ду_змоу_аԥсуаа
Ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа
'''''Ақәранҵыра ду змоу ауаҩы''''' ҳәа дыԥхьаӡоуп 90 шықәса ирҭысхьоу дарбанызаалак. Ус еиԥш [[ауаҩы]] иҟазаара документла ишьақәырӷәӷәазар ауп. Ус еиԥш иҟоу документқәоуп аиразы аршаҳаҭга, мамзаргьы ауахәаматә шәҟәқәа рҿы иҟаҵаз анҵамҭақәа. Ауаҩы ақәра ду шниҵыз азы адыррақәа [[Агеронтологиа|агеронтологцәа]] рыҭҵааратә гәыԥ еиԥш иҟоу аиҿкаарақәа ашәҟәы иҭаргалоит. Анкьа ауаа рықәра иаша ашьақәыргылара цәгьан, иҟан уи иацызҵозгьы, ианиҵәҟьаз ианаамҭаз ашәҟәы иахьҭагаламыз иахҟьаны. Аҩажәатәи ашәышықәсазы 10.000-ҩык ауааԥсыра рахьтә хәҩык ақәра ду нызҵыз, шәышықәса ирҭысыз ауаа ыҟазҭгьы, иахьатәи аамҭазы ари ахыԥхьаӡара 69–82% рҟынӡа илаҟәит. <ref>{{Cite web |url=https://www.ekhokavkaza.com/a/2106949.html |title=Абхазия – родина долгожителей |date=2010-06-22 |access-date=2024-01-29 |website=[[Эхо Кавказа]] |last=Шариа |first=Витали Валериан-иԥа |language=ru}}</ref> ==Изусҭцәада ақәранҵыра ду змоу ауаа?== [[Аԥсны]] – иуникалтәу ҭыԥуп Адгьыл аҟны, ара адунеи егьырҭ акәакьқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ақәранҵыра ду змоу ауаа еснагь рхыԥхьаӡара рацәан. Инхо ауааԥсыра жәа-нызқьҩык рахьтә хәҩык шәышықәса ирҭысхьаз ракәын. Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны еснагь инхон милаҭрацәала ауаа. Аха, ақәранҵыра ду аганахь ала, ара [[аԥсуаа]] ираԥызго ыҟам. Агеронтологцәа ишазгәарҭо ала, ари [[афеномен]] аҭыԥантәи аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа рахь ашьцылара амазаара ауп еилкаарас иамоу, уи абиԥара еимырдон. Аԥсуаа рыҟны ауаа инеиԥынкыланы ауп ражәра шааиуа, уиаан дара рцәеижьи, мамзаргьы, даҽа органқәак алкааны иажәуам. Аԥсуа быргцәа инырҵыз рымзартә қәра аасҭа, рбиологиатә қәрала уахәаԥшуазар, еиҳа иқәыԥшуп. Ишырҳәо еиԥш, ркан бзиоуп. Аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, зегь реиҳа ақәранҵыраҟны ихадароу факторуп хылҵшьҭралатәи агенетика. Аӡәырҩы аԥсуаа рани раби, рандуи рабдуи шәышықәса ирҭысыз маҷҩым. Аԥсуаа – риммунитиет ӷәӷәан. «Аԥсҭазаара алыршара аген» хылҵшьҭрала ироуеит. Аԥсны ииз-иааӡаз аԥсуаа лассы-лассы ичмазаҩхомызт.<ref>{{Ашәҟәы|Ашықәс=1986|Ажәла=Гарб|Ахьӡ=Пола|Астатиа ахьӡ=Долгожители|Ақалақь=Москва|Аҭыжьырҭа=Прогресс|Адаҟьақәа=184}}</ref> Ҭоурыхла иуҳәозар, Аԥсны еснагь ақәранҵыра ду змоу ауаа рыла ибеиан. Урҭ рҭоурыхқәа, рықәранҵыра ду мзызс иамоу ҭызҵаауаз адунеи аҵарауаагьы маҷҩым. [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|СССР]] ахаан 500-нызқьҩык иреиҳамкәан ауаа ахьынхоз аҭыԥ аҟны иазгәаҭан 3000-ҩык рҟынӡа рықәра даара ишдууз. Аԥсуаа рыбжьара аҩажәатәи ашәышықәса азы зегь реиҳа ақәранҵыра ду змаз иреиуан: * [[Џыџ Шапковски]] (151 ш.) * [[Ашьҳангьери Бжьаниа]] (138 ш.) * [[Хьфаф Лашәриаԥҳа]] (138 ш.) * [[Шьериф Бганба]] (134 ш.) * [[Ҭлабган Қьецба]] (132 ш.) * [[Ҳасан Палба]] (132 ш.) * [[Мамсыр Киут]] (126 ш.) * [[Осман Џьениа]] (126 ш.) * [[Ҳарун Ҳаҭхәа]] (124ш.) * [[Сулеиман Аршба]] (122ш.) уҳәа аӡәырҩы. Аԥсуа қәранҵыра ду нызҵыз зегьы гәацԥыҳәарала аԥсҭазаара иалахәын. Иаагозар ҿырԥштәыс, Осман Џьениа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа [[аколхоз]] аҟны аус иуан. [[Кәтол]] ақыҭан инхоз Хьфаф Лашәриаԥҳа лакәзар, лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсазы ачаи ахьхылхуаз анаҩсгьы, адунеи зегьы аҟны еицырдыруаз абыргцәа рансамбль «[[Нарҭаа]]» далахәын. Аинтерес аҵоуп даара Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны Кәрыжәаа рышьҭра нхон ҳәа иҟоу адыррақәа, ари ашьҭра ауаа зегьы 200 шықәса инацны рыԥсы ҭан ҳәа азгәарҭоит. [[Ԥақәашь]] ақыҭан инхо [[Џьата Наҷҟьебиа]], 130 шықәса зхыҵуаз, игәылацәа иқәра ианазҵаауаз дахыхәмарны абас еиԥш аҭак ҟаиҵон: «Сара имԥсуа абааш Мур-Абаа сақәлоуп» ҳәа. Аԥсуа ҵарауаҩ С.П. Басариа идыррақәа рыла, ари ԥақәашьтәи Мафусаил иан аԥснытәи аҳәса рыбжьара ақәранҵыразы зегьы дреиҳан, уи 200 шықәса инарзынаԥшуа инылҵит. Лара Аԥсны абжьыуаа рыҟны абас еиԥш лзырҳәон: «Абырг, Џьата Начҟьебиа иан, дзымԥсуа, ҽнак зны жәҩангәашәԥхьара лбеит азоуп ҳәа». [[1953]] шықәса [[мшаԥымза 15]] рыҽны агазеҭ «[[Известиа]]» аҟны адырра ҟаҵан, [[Самырзаҟан]] иаҵанакуа [[Гал]] 132 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит ҳәа зегь реиҳа қәрала еиҳабыз Қьецба Ҭлабган ҳәа, иара азеижәтәи ашәықәықәсазтәи ахҭысқәа акыр дырхаанын. Иара иоуп раԥхьаӡа Гал инхаз, ихылҵшьҭра ракәзар, 135-ҩык иреиҳан. Иқәра акыр ишнеихьазгьы, абырг ибзианы иаҳауан, иблақәа ирбон, агәырҵҟәыл бзиа иман, шәышықәса раԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа зегьы игәалашәон.<ref>{{Cite web |url=https://med.oboz.ua/diseases/94287-dozhit-do-100-let-sekretyi-zdorovya-dolgozhitelej-abhazii-i-dolinyi-hunza.htm |title=Дожить до 100 лет: секреты здоровья долгожителей Абхазии и долины Хунза |date=2015-05-27 |access-date=2024-01-29 |website=Med Oboz}}</ref> ==Маӡас иаҵоузеи ақәра ду?== Жәаҳәарада, аԥсуаа рықәранҵыра ду амаӡақәа маҷым, зегь раԥхьа иргыланы, дара ахьынхо аԥсабаратәи аҳауатәи ҭагылазаашьақәа, рыфатә, ирҟазшьоу агәҭынчра уҳәа абарҭқәа зегьы ауаҩы иқәранҵыра иацырҵоит ҳәа рыԥхьаӡоит аҵарауаа. Насгьы, ара амшын ааигәоуп, ашьха ҳауа уҳәа аҭагылазаашьа бзиақәа маҷым. Аԥсуаа дара реиҿартәышьала изцымыз, изгыз уаан еснагь, реинаалашьа, рычаԥашьа ҳәсеи хацәеи алшара рнаҭон анхаразы – ус аҟазаара хымԥадатәин, иара убасгьы, ашәарыцара маншәалазы (ауаҩы деилҟьа - еилӷәыцәӡа дыҟазар акәын), аҳәса ракәзар, аҭаацәара ду ныҟәыргон, аҩны усқәа рацәаны ирыман аҟнытә, урҭгьы еилҟьаӡа иҟазар акәын. Иара убасгьы, иазгәаҭатәуп аҳәса даара реиҿартәышьа ишацклаԥшуаз, ҿырԥштәыс иаагозар, аԥҳәызба лыкәашараҿы лычаԥашьа бзиазар акәын. Аԥсны жәытәнатә аахыс изцыз ауаа агәамбзиара змоу рахь ирыԥхьаӡон. Иҟан уи иацназгоз ажәаԥҟагьы «зымгәа азага ззымдыруа ихы дацәыԥхашьо дҟалоит» ҳәа зҳәоз.<ref>{{Cite web |url=https://russkiymir.ru/publications/227373/ |title=«Доброта и любовь к людям – общая черта для всех долгожителей» |date=2017-07-17 |website=Русский Мир |last=Сметанина |first=Светлана |language=ru}}</ref> Ақәранҵыра рацәа змаз аԥсуаа рыҭҵаара аан аҵарауаа ишьақәдыргылаз фактқәоуп, дара еснагь рҭыԥ иахымҵкәан џьарак иахьынхоз, еснагь ирдыруаз уск ахьынарыгӡоз, рыкрыфара акәзар, знык ирфашаз акәын иҟарҵоз, ирфозгьы дара иаадрыхуаз акәын. Аԥсуаа ирҟазшьа ҷыдоу ааҭышәантәалара, дара уи ргәалаҟазаара бзиа мзызс иамоу акакәны иԥхьаӡоуп. Еиҭакра змам рымшеихша- ракрыфара, русура, рыԥсшьара уҳәа рҟны рхы-ргәы арҭынчуеит, уи иабзоуроуп рықәранҵыра дугьы.<ref>{{Cite web |url=https://dzen.ru/a/XZ25lW9fbwCt9j52 |title=Долгожители Абхазии. Как питаться, чтобы жить долго? |date=2019-10-09 |website=dzen.ru |language=ru}}</ref> ==Ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа рыкрыфара== Ақәранҵыра ду нызҵыз аԥсуаа рыкрыфара - чара аҟны еиуеиԥшымыз аалыҵ рхы иадырхәон, аха еиҳа аԥыжәара арҭон аҵиаақәа. Еснагь ирфоз хкуп абысҭа, уи аԥш лаганы ируан. Абысҭа ауаҩы ицеи икьатеии русура даара иацхраауеит. Иазгәаҭатәуп аԥш ишалоу криптофан ҳәа захьӡу аминокислота. Уигьы ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа рфеномен иадҳәалоуп иԥхьӡоуп. Егьырҭ аҵиаа иалху афатәхкқәа аҭыԥантәи ауааԥсыра аҟәыд, ахәыл абӷьы, [[акапусҭа]], [[ахәац]] уҳәа излырхуа рацәоуп. Ауҭраҭыхқәа ирылхны - [[аџьыка]], [[акакан]], [[аххыла]] зырҭо ачаԥақәа ҟарҵоит. Аԥсуаа рыфатә аҟны абнаҿы ииуа аҵиаақәагьы ахархәара рымоуп, урҭ рахь иаҵанакуеит – ахәац, аҳаршьыл, амақьындол, абадырбӷьы, еиҳаракгьы абырҷман. Даара бзиа ирбоит ахьа жәны, мамзаргьы иҵкәаны иӡны. Абра иҳәатәуп аԥсуаа, еиҳаракгьы зықәра наӡахьоу, аџьыкхыш рацәак ишазгагам. Уи, ҳәарада, афатә аҟаҵара аҟны рхы иадырхәоит, аха еиҳарак аџьыка анырхуа иарҭо аздырхоит.<ref>{{Cite web |url=https://www.kakprosto.ru/kak-905339-pochemu-v-abhazii-mnogo-dolgozhiteley |title=Почему в Абхазии много долгожителей |date=2014-09-26 |website=kakprosto.ru |language=ru}}</ref> Аԥсуаа ашәырқәеи аргәыцқәеи ӡынгьы-ԥхынгьы ирфоит. Урҭ рымазаара уадаҩым, избанзар Аԥсны иахьаҵанакуа хкы рацәала ашәыри аргәыци рааӡоит – [[аҵәа]], [[аҳа]], [[аҵыҵындра]], [[ажь]], [[ажьынҵәры, [[абиа]], [[аца]], [[атама]], [[амаахыр]], [[амыҵмыџь]], [[алаҳа]], [[ахәырма]], [[амандарин]], [[апатырқал]], [[алимон]], афеихоа уҳәа хкыла еиқәуԥхьаӡаша рацәоуп. Аԥсуаа рыкрыфара-чара аҟны аҭыԥ ду ааныркылоит ахши ахшаалыҵқәеи. Ахш ма иршны иржәуеит, мамзаргьы харҵәны идырҵәуеит. Ахарҵәы ажәхш, аџьмахш, акамбашьхш иалырхуеит. Даара пату рзақәуп, еиҳаракгьы ашоурақәа раан ахарҵәыӡҩа, иара убасгьы ахарҵәы ацха аҭаны ирфоит. Ари афатә ахәыҷқәеи абыргцәеи рзы даара ихәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.<ref>''Абхазские долгожители! Замечательная бабушка!'' YouTube. {{date|26|1|2012}}. [https://www.youtube.com/watch?v=hItFT9_rK1I Онлаин]</ref> ==Ирымфо арбану ақәранҵыра ду нызҵыз аԥсуаа?== Ақәранҵыра ду нызҵуа рыфатә аҟны даара имаҷны ахархәара аман ашьақар, аџьыкахыш, азеиҭынхәша, аԥсыӡ. Акәац хкқәа ракәзар, еиҳарак ирфоз баша ижәыз ажәжьи, насгьы акәтыжьи ашәишәи ажьи ракәын. Аԥсуаа рыҟны даара ахархәара амоуп аџьыка, уи змам фатәык уԥылом уҳәар алшоит. Иара апырпыли, аххыла хкқәеи, аџыши, аџьыкхыши рыла ишьақәгылоуп. Капсацин зыхьӡу апырпыл ҟаԥшь иалоу аелемент ауаҩы ицәеижьи аусуразы даара ибзиоуп. Аџыш акәзар, ауаҩы ишьа аҟны ахолестерин ацҟьоит, уи [[атеросклероз]] аҿиара аанакылоит. Акәац ҳазыгьежьуазар, аԥсуаа рҟны ижәу аџьмажьы пату рзақәуп. Атәан иалху афатәқәа ракәзар, уарлашәарла ауп абыргцәа ишырфо. Зегь реиҳа аԥсуаа бзиа ирбо аалыҵқәоуп – аҟәыд, аԥш, акакан, аџьымшьы, аџыш, аҭыԥан иаадрыхуа ауҭраҭыхи ашәыри, насгьы ахарҵәы. Аԥсуаа ақәра ду нызҵыз рымаӡа зынӡа имариоуп. Акрыфараҟны ахынкылара, ашша рацәа змоу афатә адымкылара, рацәак ихаам, аџьыкхыш змам афатә афара - абарҭқәа роуп ауаҩы ақәранҵыра ду изҭо. Аха иҟоуп даҽакгьы, аԥсуаа рықәра иацызҵо аҭагылазаашьақәа, уи агәҭынчреи, инамыцхәым аџьабаа ахы арбареи, аԥсҭазаарахь агәазыҳәареи роуп.<ref>Сула Бенет, Abkhasians: the long-living people of the Caucasus.</ref> ==Ашьха ҳауа цқьа== Ажәытәӡан аԥсуаа рынхарҭақәа, рқыҭақәа еиҳарак ашьха иаԥнын. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ашьха ҳауа цқьагьы ауаа рыԥсҭазаара иацнаҵон. Ҳаамҭазтәи аҭҵаарақәа иаадырԥшит, Аԥсны инхо абыргцәа рыԥсыԥ лага-ҩагара даара ишырзымариоу, ррыԥҳақәа шыцқьоу. Уи инамаданы, арԥҳачымазара шмаҷыз. Аԥсуаа рыкрыфареи, ашьхақәеи амшыни рзааиргәара рынхара анаҩсгьы, рықәранҵыра ду иацхраауеит акраамҭатәи ринтимтә ԥсҭазаара. Аԥсуа хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа ихьшәаны аҭаацәара иалалон. Ахацәа ракәзар, 30 шықәса инаркны 40 шықәса рхыҵаанӡа. Аҭыԥҳацәа 25-29 шықәса анырхыҵлак. Абри анаҩсгьы, аԥсуаа аџьа пату рзақәын. Уи рыԥсҭазаара иахәҭакын. Дара акыр инықәларгьы, аџьа рнапы алакын. Шәышықәса зхыҵуазгьы ихы дахәон, иҭаацәа ныҟәгатәыс ихы риҭомызт. Убри аҟынтә акраамҭагьы инхон.<ref>Григулевич Н.И., Проблема долгожительства и традиции винопития в Абхазии // Современная сельская Абхазия: социально-этнографические и антропологические исследования / Ред.: Дубова Н.А., Козлов В.И., Ямсков А.Н. М.: изд. Института этнологии и антропологии РАН. М., 2006. - С. 129 -157 [http://static.iea.ras.ru/articles/Grigulevich_Problema_dolgozhitelstva.pdf]</ref> ==Иахьатәи аамҭазы иабанхо ақәра ду нызҵуа аԥсуаа?== Аԥсуа рықәранҵыра афеномен, ишаҳҳәахьоу еиԥш, аҩажәатәи ашәышьықәсазы аҵарауаа даара аилкаара иашьҭалеит. [[Аԥснытәи Аексперементалтә патологиа анаукаҭҵааратә институт]] (НИИЭПиТ) аҟынгьы ари афеномен иадҳәалоу аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Аинститут анаукатә усзуҩы еиҳабы, абиологиатә наукақәа ркандидат [[Алиса Матуаԥҳа]] ишазгәалҭо ала, адунеи зегьы аҟны еиԥш, аԥсуаа рҟынгьы ауааԥсыра рыԥсҭазааратә аамҭа иацлеит, аха анкьа еиԥш шәышықәса ирҭысхьо рхыԥхьаӡара маҷхеит. [[2017]] шықәса рзын, Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, Аԥсны инхо ақәранҵыра ду змаз 919-ҩык ашәҟәы иҭагалан. [[2013]] шықәса инаркны [[2016]] шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 12% иеизҳаит. Ҿырԥштәыс иаагозар, 1970-тәи ашықәс аҽеиҩшамҭазы, [[Дәрыԥшь]], [[Џьгьарҭа]], [[Ҷлоу]] имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан, арҭ ақыҭақәа зегьы рҟны инхоз 7000-ҩык рахьтә 74-ҩык 100 шықәса ирҭысхьаз шракәыз шьақәыргылан, иахьазы ус еиԥш ақәра ду зманы инхо 16-ҩык заҵәык роуп. Иара убасгьы, иахьазы 90 шықәса ирҭысхьоу зегь реиҳа иахьынхо [[Гәдоуҭа араион]] аҟны ауп ҳәа ишьақәыргылоуп, уа ашәҟәы иҭагалоуп 171- ҩык, аҩбатәи аҭыԥ аҟны иҟоуп [[Аҟәа]] – ара инхоит 149-ҩык зықәра дуу ауаа, ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп [[Очамчыра]]. Зегьы иреиҵаны ақәра ду змоу ауаа нхоит [[Аҟәа араион]] аҟны, уа 50-ҩык роуп инхо. Аофициалтә дыррақәа рыла, 2017 шықәсазы ауааԥсыра рира 0,4% рыла еизҳаит. Ареспублика [[Аԥсны аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа]] адыррақәа рыла, ақәранҵыра ду змоу 16-ҩык рахьтә 15-ҩык аҳәса роуп. Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, зегь реиҳа зхыҵуа хәҩык ауаа нхоит Гудоуҭеи Очамчыреи рраионқәа рҟны. Урҭ ауаа рықәра шмаҷымгьы, џьарак итәам, ршьапы иныҟәнагоит, аԥсуа чысқәа рфоит, атәым чысхкқәа ирызгагам. [[Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет]] адоцент, абиологиатә наукақәа ркандидат [[Ҭеона Каландиаԥҳа]] акыр шықәса инеиԥынкыланы ақәра ду нызҵыз ауаа ршьа ҭылҵаауеит, урҭ ршьеи зықәрабжа иахысхьо ауаа ршьеи еиҿлырԥшуеит. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа иахьазы иаадырԥшыз акоуп, зықәра абжа иҭысхьоу ауааи ақәра ду змоу ауааи ршьақәа еиԥшуп уҳәар алшоит, иҷыдоу еиԥшымзаарак рымам. Абиолог лажәақәа рыла, аҭҵаара иахыжьыз реиҳараҩык актәи агәыԥ иаҵанакуа ашьа рымоуп. Ари зегь реиҳа зхыҵуа ақәра змоу ашьақәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны, иара убасгьы [[адунеи]] аҟны ақәранҵыра ду змоу ауаа рхыԥхьаӡара агхара мзыз хаданы иԥхьаӡоуп урҭ рынхашьа-нҵышьа, рыфара-рыжәра аҽахьеиҭанакыз, насгьы рыԥсҭазаараҟны агәыԥжәарақәа ахьеиҳахаз агәырӷьарақәа раасҭа. Аха, ус шакәугьы, зхылҵшьҭраҟны ақәра ду нызҵыз ауаа ахьыҟоу, урҭ рхылҵшьҭрагьы ақәра ду нырҵыр алшоит. Убри ауп аген аҵакы даара иӷәӷәаны изыԥхьаӡоугьы. Иҳәатәуп даҽакгьы, аԥсуаа рыбжьара ақәра ду нызҵыз ауаа рыхшыҩ цаны ҳәа ишыҟамыз. Дара аԥсуаа рытрадициақәеи ркультуреи инырықәыршәаны, ауаажәларратәи асоциалтәи ԥсҭазаара еиҳагьы иалахәуп. Иахьатәи аамҭазы зегь реиҳа ақәра змоу рахь иԥхьаӡоуп: [[Хәаԥ]] инхо [[Ҭина Бебиаԥҳа]], уи 112 шықәса лхыҵуеит, уи длышьҭанеиуеит Дәрыԥшь инхо, 105 шықәса зхыҵуа [[Ҭамара Гәымԥҳа]], ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит [[Мысра (ақыҭа)|Мысра]] инхо [[Ҭуча Жьиԥҳа]] – 104 шықәса зхыҵуа. Аԥшьбатәии ахәбатәии аҭыԥқәа рҟны иҟоуп Ҷлоу инхо [[Нелли Адлеиԥҳа]]и, [[Џьгьарда]] инхо [[Фениа Лацәышԥҳа]]и, урҭ рықәрақәа еилауҵар 207 шықәса нырҵхьеит. Игәаумҭарц залшом, раԥхьатәи ахә-ҭыԥк аанызкылаз аҳәса роуп, урҭ рахьтә ԥшьҩык лаҵарамзазы иит.<ref>{{Cite web |url=http://www.kavkazoved.info/news/2016/02/07/fenomen-dolgozhitelstva-v-abhazii-nuzhdaetsja-v-dalnejshem-izuchenii.html |title=ФЕНОМЕН ДОЛГОЖИТЕЛЬСТВА В АБХАЗИИ НУЖДАЕТСЯ В ДАЛЬНЕЙШЕМ ИЗУЧЕНИИ |date=2016-02-07 |website=kavkazoved.info |language=ru}}</ref> ==Ахархәара змоу алитература== * П. Гарб – Долгожители, Москва — "Прогресс" — 1986. [http://apsnyteka.org/2090-garb_p_dolgozhiteli_1986.html] * С. Бенет – Abkhasians: the long-living people of the Caucasus / Абхазы: долгожители Кавказа, [[Ниу-Иорк]]: [[Холт, Раинхарт & Уинстон]], 1974. ад. 112. ISBN 0-03-088040-8 [http://apsnyteka.org/3518-Benet_S_Abkhazians_The_long-living_people_of_the_Caucasus_1974_angl.html] * Ш. Д. Инал-иԥа, В. И. Козлов – Среди долгожителей Абхазии, "Академия наук Грузинской ССР - Абхазский институт языка, литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН Грузинской ССР" – 1987. [https://dspace.nplg.gov.ge/bitstream/1234/286085/1/Sredi_Dolgodjitelei_Abxazii.pdf] ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Аԥсуаа]]
Ақәранҵыра ду змоу ауаҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп 90 шықәса ирҭысхьоу дарбанызаалак. Ус еиԥш ауаҩы иҟазаара документла ишьақәырӷәӷәазар ауп. Ус еиԥш иҟоу документқәоуп аиразы аршаҳаҭга, мамзаргьы ауахәаматә шәҟәқәа рҿы иҟаҵаз анҵамҭақәа. Ауаҩы ақәра ду шниҵыз азы адыррақәа агеронтологцәа рыҭҵааратә гәыԥ еиԥш иҟоу аиҿкаарақәа ашәҟәы иҭаргалоит. Анкьа ауаа рықәра иаша ашьақәыргылара цәгьан, иҟан уи иацызҵозгьы, ианиҵәҟьаз ианаамҭаз ашәҟәы иахьҭагаламыз иахҟьаны. Аҩажәатәи ашәышықәсазы 10.000-ҩык ауааԥсыра рахьтә хәҩык ақәра ду нызҵыз, шәышықәса ирҭысыз ауаа ыҟазҭгьы, иахьатәи аамҭазы ари ахыԥхьаӡара 69–82% рҟынӡа илаҟәит. Изусҭцәада ақәранҵыра ду змоу ауаа? Аԥсны – иуникалтәу ҭыԥуп Адгьыл аҟны, ара адунеи егьырҭ акәакьқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ақәранҵыра ду змоу ауаа еснагь рхыԥхьаӡара рацәан. Инхо ауааԥсыра жәа-нызқьҩык рахьтә хәҩык шәышықәса ирҭысхьаз ракәын. Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны еснагь инхон милаҭрацәала ауаа. Аха, ақәранҵыра ду аганахь ала, ара аԥсуаа ираԥызго ыҟам. Агеронтологцәа ишазгәарҭо ала, ари афеномен аҭыԥантәи аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа рахь ашьцылара амазаара ауп еилкаарас иамоу, уи абиԥара еимырдон. Аԥсуаа рыҟны ауаа инеиԥынкыланы ауп ражәра шааиуа, уиаан дара рцәеижьи, мамзаргьы, даҽа органқәак алкааны иажәуам. Аԥсуа быргцәа инырҵыз рымзартә қәра аасҭа, рбиологиатә қәрала уахәаԥшуазар, еиҳа иқәыԥшуп. Ишырҳәо еиԥш, ркан бзиоуп. Аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, зегь реиҳа ақәранҵыраҟны ихадароу факторуп хылҵшьҭралатәи агенетика. Аӡәырҩы аԥсуаа рани раби, рандуи рабдуи шәышықәса ирҭысыз маҷҩым. Аԥсуаа – риммунитиет ӷәӷәан. «Аԥсҭазаара алыршара аген» хылҵшьҭрала ироуеит. Аԥсны ииз-иааӡаз аԥсуаа лассы-лассы ичмазаҩхомызт. Ҭоурыхла иуҳәозар, Аԥсны еснагь ақәранҵыра ду змоу ауаа рыла ибеиан. Урҭ рҭоурыхқәа, рықәранҵыра ду мзызс иамоу ҭызҵаауаз адунеи аҵарауаагьы маҷҩым. СССР ахаан 500-нызқьҩык иреиҳамкәан ауаа ахьынхоз аҭыԥ аҟны иазгәаҭан 3000-ҩык рҟынӡа рықәра даара ишдууз. Аԥсуаа рыбжьара аҩажәатәи ашәышықәса азы зегь реиҳа ақәранҵыра ду змаз иреиуан: Џыџ Шапковски (151 ш.) Ашьҳангьери Бжьаниа (138 ш.) Хьфаф Лашәриаԥҳа (138 ш.) Шьериф Бганба (134 ш.) Ҭлабган Қьецба (132 ш.) Ҳасан Палба (132 ш.) Мамсыр Киут (126 ш.) Осман Џьениа (126 ш.) Ҳарун Ҳаҭхәа (124ш.) Сулеиман Аршба (122ш.) уҳәа аӡәырҩы. Аԥсуа қәранҵыра ду нызҵыз зегьы гәацԥыҳәарала аԥсҭазаара иалахәын. Иаагозар ҿырԥштәыс, Осман Џьениа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа аколхоз аҟны аус иуан. Кәтол ақыҭан инхоз Хьфаф Лашәриаԥҳа лакәзар, лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсазы ачаи ахьхылхуаз анаҩсгьы, адунеи зегьы аҟны еицырдыруаз абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» далахәын. Аинтерес аҵоуп даара Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны Кәрыжәаа рышьҭра нхон ҳәа иҟоу адыррақәа, ари ашьҭра ауаа зегьы 200 шықәса инацны рыԥсы ҭан ҳәа азгәарҭоит. Ԥақәашь ақыҭан инхо Џьата Наҷҟьебиа, 130 шықәса зхыҵуаз, игәылацәа иқәра ианазҵаауаз дахыхәмарны абас еиԥш аҭак ҟаиҵон: «Сара имԥсуа абааш Мур-Абаа сақәлоуп» ҳәа. Аԥсуа ҵарауаҩ С.П. Басариа идыррақәа рыла, ари ԥақәашьтәи Мафусаил иан аԥснытәи аҳәса рыбжьара ақәранҵыразы зегьы дреиҳан, уи 200 шықәса инарзынаԥшуа инылҵит. Лара Аԥсны абжьыуаа рыҟны абас еиԥш лзырҳәон: «Абырг, Џьата Начҟьебиа иан, дзымԥсуа, ҽнак зны жәҩангәашәԥхьара лбеит азоуп ҳәа». 1953 шықәса мшаԥымза 15 рыҽны агазеҭ «Известиа» аҟны адырра ҟаҵан, Самырзаҟан иаҵанакуа Гал 132 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит ҳәа зегь реиҳа қәрала еиҳабыз Қьецба Ҭлабган ҳәа, иара азеижәтәи ашәықәықәсазтәи ахҭысқәа акыр дырхаанын. Иара иоуп раԥхьаӡа Гал инхаз, ихылҵшьҭра ракәзар, 135-ҩык иреиҳан. Иқәра акыр ишнеихьазгьы, абырг ибзианы иаҳауан, иблақәа ирбон, агәырҵҟәыл бзиа иман, шәышықәса раԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа зегьы игәалашәон. Маӡас иаҵоузеи ақәра ду? Жәаҳәарада, аԥсуаа рықәранҵыра ду амаӡақәа маҷым, зегь раԥхьа иргыланы, дара ахьынхо аԥсабаратәи аҳауатәи ҭагылазаашьақәа, рыфатә, ирҟазшьоу агәҭынчра уҳәа абарҭқәа зегьы ауаҩы иқәранҵыра иацырҵоит ҳәа рыԥхьаӡоит аҵарауаа. Насгьы, ара амшын ааигәоуп, ашьха ҳауа уҳәа аҭагылазаашьа бзиақәа маҷым. Аԥсуаа дара реиҿартәышьала изцымыз, изгыз уаан еснагь, реинаалашьа, рычаԥашьа ҳәсеи хацәеи алшара рнаҭон анхаразы – ус аҟазаара хымԥадатәин, иара убасгьы, ашәарыцара маншәалазы (ауаҩы деилҟьа - еилӷәыцәӡа дыҟазар акәын), аҳәса ракәзар, аҭаацәара ду ныҟәыргон, аҩны усқәа рацәаны ирыман аҟнытә, урҭгьы еилҟьаӡа иҟазар акәын. Иара убасгьы, иазгәаҭатәуп аҳәса даара реиҿартәышьа ишацклаԥшуаз, ҿырԥштәыс иаагозар, аԥҳәызба лыкәашараҿы лычаԥашьа бзиазар акәын. Аԥсны жәытәнатә аахыс изцыз ауаа агәамбзиара змоу рахь ирыԥхьаӡон. Иҟан уи иацназгоз ажәаԥҟагьы «зымгәа азага ззымдыруа ихы дацәыԥхашьо дҟалоит» ҳәа зҳәоз. Ақәранҵыра рацәа змаз аԥсуаа рыҭҵаара аан аҵарауаа ишьақәдыргылаз фактқәоуп, дара еснагь рҭыԥ иахымҵкәан џьарак иахьынхоз, еснагь ирдыруаз уск ахьынарыгӡоз, рыкрыфара акәзар, знык ирфашаз акәын иҟарҵоз, ирфозгьы дара иаадрыхуаз акәын. Аԥсуаа ирҟазшьа ҷыдоу ааҭышәантәалара, дара уи ргәалаҟазаара бзиа мзызс иамоу акакәны иԥхьаӡоуп. Еиҭакра змам рымшеихша- ракрыфара, русура, рыԥсшьара уҳәа рҟны рхы-ргәы арҭынчуеит, уи иабзоуроуп рықәранҵыра дугьы. Ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа рыкрыфара Ақәранҵыра ду нызҵыз аԥсуаа рыкрыфара - чара аҟны еиуеиԥшымыз аалыҵ рхы иадырхәон, аха еиҳа аԥыжәара арҭон аҵиаақәа. Еснагь ирфоз хкуп абысҭа, уи аԥш лаганы ируан. Абысҭа ауаҩы ицеи икьатеии русура даара иацхраауеит. Иазгәаҭатәуп аԥш ишалоу криптофан ҳәа захьӡу аминокислота. Уигьы ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа рфеномен иадҳәалоуп иԥхьӡоуп. Егьырҭ аҵиаа иалху афатәхкқәа аҭыԥантәи ауааԥсыра аҟәыд, ахәыл абӷьы, акапусҭа, ахәац уҳәа излырхуа рацәоуп. Ауҭраҭыхқәа ирылхны - аџьыка, акакан, аххыла зырҭо ачаԥақәа ҟарҵоит. Аԥсуаа рыфатә аҟны абнаҿы ииуа аҵиаақәагьы ахархәара рымоуп, урҭ рахь иаҵанакуеит – ахәац, аҳаршьыл, амақьындол, абадырбӷьы, еиҳаракгьы абырҷман. Даара бзиа ирбоит ахьа жәны, мамзаргьы иҵкәаны иӡны. Абра иҳәатәуп аԥсуаа, еиҳаракгьы зықәра наӡахьоу, аџьыкхыш рацәак ишазгагам. Уи, ҳәарада, афатә аҟаҵара аҟны рхы иадырхәоит, аха еиҳарак аџьыка анырхуа иарҭо аздырхоит. Аԥсуаа ашәырқәеи аргәыцқәеи ӡынгьы-ԥхынгьы ирфоит. Урҭ рымазаара уадаҩым, избанзар Аԥсны иахьаҵанакуа хкы рацәала ашәыри аргәыци рааӡоит – аҵәа, аҳа, аҵыҵындра, ажь, [[ажьынҵәры, абиа, аца, атама, амаахыр, амыҵмыџь, алаҳа, ахәырма, амандарин, апатырқал, алимон, афеихоа уҳәа хкыла еиқәуԥхьаӡаша рацәоуп. Аԥсуаа рыкрыфара-чара аҟны аҭыԥ ду ааныркылоит ахши ахшаалыҵқәеи. Ахш ма иршны иржәуеит, мамзаргьы харҵәны идырҵәуеит. Ахарҵәы ажәхш, аџьмахш, акамбашьхш иалырхуеит. Даара пату рзақәуп, еиҳаракгьы ашоурақәа раан ахарҵәыӡҩа, иара убасгьы ахарҵәы ацха аҭаны ирфоит. Ари афатә ахәыҷқәеи абыргцәеи рзы даара ихәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.Абхазские долгожители! Замечательная бабушка! YouTube. . Онлаин Ирымфо арбану ақәранҵыра ду нызҵыз аԥсуаа? Ақәранҵыра ду нызҵуа рыфатә аҟны даара имаҷны ахархәара аман ашьақар, аџьыкахыш, азеиҭынхәша, аԥсыӡ. Акәац хкқәа ракәзар, еиҳарак ирфоз баша ижәыз ажәжьи, насгьы акәтыжьи ашәишәи ажьи ракәын. Аԥсуаа рыҟны даара ахархәара амоуп аџьыка, уи змам фатәык уԥылом уҳәар алшоит. Иара апырпыли, аххыла хкқәеи, аџыши, аџьыкхыши рыла ишьақәгылоуп. Капсацин зыхьӡу апырпыл ҟаԥшь иалоу аелемент ауаҩы ицәеижьи аусуразы даара ибзиоуп. Аџыш акәзар, ауаҩы ишьа аҟны ахолестерин ацҟьоит, уи атеросклероз аҿиара аанакылоит. Акәац ҳазыгьежьуазар, аԥсуаа рҟны ижәу аџьмажьы пату рзақәуп. Атәан иалху афатәқәа ракәзар, уарлашәарла ауп абыргцәа ишырфо. Зегь реиҳа аԥсуаа бзиа ирбо аалыҵқәоуп – аҟәыд, аԥш, акакан, аџьымшьы, аџыш, аҭыԥан иаадрыхуа ауҭраҭыхи ашәыри, насгьы ахарҵәы. Аԥсуаа ақәра ду нызҵыз рымаӡа зынӡа имариоуп. Акрыфараҟны ахынкылара, ашша рацәа змоу афатә адымкылара, рацәак ихаам, аџьыкхыш змам афатә афара - абарҭқәа роуп ауаҩы ақәранҵыра ду изҭо. Аха иҟоуп даҽакгьы, аԥсуаа рықәра иацызҵо аҭагылазаашьақәа, уи агәҭынчреи, инамыцхәым аџьабаа ахы арбареи, аԥсҭазаарахь агәазыҳәареи роуп.Сула Бенет, Abkhasians: the long-living people of the Caucasus. Ашьха ҳауа цқьа Ажәытәӡан аԥсуаа рынхарҭақәа, рқыҭақәа еиҳарак ашьха иаԥнын. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ашьха ҳауа цқьагьы ауаа рыԥсҭазаара иацнаҵон. Ҳаамҭазтәи аҭҵаарақәа иаадырԥшит, Аԥсны инхо абыргцәа рыԥсыԥ лага-ҩагара даара ишырзымариоу, ррыԥҳақәа шыцқьоу. Уи инамаданы, арԥҳачымазара шмаҷыз. Аԥсуаа рыкрыфареи, ашьхақәеи амшыни рзааиргәара рынхара анаҩсгьы, рықәранҵыра ду иацхраауеит акраамҭатәи ринтимтә ԥсҭазаара. Аԥсуа хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа ихьшәаны аҭаацәара иалалон. Ахацәа ракәзар, 30 шықәса инаркны 40 шықәса рхыҵаанӡа. Аҭыԥҳацәа 25-29 шықәса анырхыҵлак. Абри анаҩсгьы, аԥсуаа аџьа пату рзақәын. Уи рыԥсҭазаара иахәҭакын. Дара акыр инықәларгьы, аџьа рнапы алакын. Шәышықәса зхыҵуазгьы ихы дахәон, иҭаацәа ныҟәгатәыс ихы риҭомызт. Убри аҟынтә акраамҭагьы инхон.Григулевич Н.И., Проблема долгожительства и традиции винопития в Абхазии // Современная сельская Абхазия: социально-этнографические и антропологические исследования / Ред.: Дубова Н.А., Козлов В.И., Ямсков А.Н. М.: изд. Института этнологии и антропологии РАН. М., 2006. - С. 129 -157 Иахьатәи аамҭазы иабанхо ақәра ду нызҵуа аԥсуаа? Аԥсуа рықәранҵыра афеномен, ишаҳҳәахьоу еиԥш, аҩажәатәи ашәышьықәсазы аҵарауаа даара аилкаара иашьҭалеит. Аԥснытәи Аексперементалтә патологиа анаукаҭҵааратә институт (НИИЭПиТ) аҟынгьы ари афеномен иадҳәалоу аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Аинститут анаукатә усзуҩы еиҳабы, абиологиатә наукақәа ркандидат Алиса Матуаԥҳа ишазгәалҭо ала, адунеи зегьы аҟны еиԥш, аԥсуаа рҟынгьы ауааԥсыра рыԥсҭазааратә аамҭа иацлеит, аха анкьа еиԥш шәышықәса ирҭысхьо рхыԥхьаӡара маҷхеит. 2017 шықәса рзын, Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, Аԥсны инхо ақәранҵыра ду змаз 919-ҩык ашәҟәы иҭагалан. 2013 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 12% иеизҳаит. Ҿырԥштәыс иаагозар, 1970-тәи ашықәс аҽеиҩшамҭазы, Дәрыԥшь, Џьгьарҭа, Ҷлоу имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан, арҭ ақыҭақәа зегьы рҟны инхоз 7000-ҩык рахьтә 74-ҩык 100 шықәса ирҭысхьаз шракәыз шьақәыргылан, иахьазы ус еиԥш ақәра ду зманы инхо 16-ҩык заҵәык роуп. Иара убасгьы, иахьазы 90 шықәса ирҭысхьоу зегь реиҳа иахьынхо Гәдоуҭа араион аҟны ауп ҳәа ишьақәыргылоуп, уа ашәҟәы иҭагалоуп 171- ҩык, аҩбатәи аҭыԥ аҟны иҟоуп Аҟәа – ара инхоит 149-ҩык зықәра дуу ауаа, ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Очамчыра. Зегьы иреиҵаны ақәра ду змоу ауаа нхоит Аҟәа араион аҟны, уа 50-ҩык роуп инхо. Аофициалтә дыррақәа рыла, 2017 шықәсазы ауааԥсыра рира 0,4% рыла еизҳаит. Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа адыррақәа рыла, ақәранҵыра ду змоу 16-ҩык рахьтә 15-ҩык аҳәса роуп. Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, зегь реиҳа зхыҵуа хәҩык ауаа нхоит Гудоуҭеи Очамчыреи рраионқәа рҟны. Урҭ ауаа рықәра шмаҷымгьы, џьарак итәам, ршьапы иныҟәнагоит, аԥсуа чысқәа рфоит, атәым чысхкқәа ирызгагам. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, абиологиатә наукақәа ркандидат Ҭеона Каландиаԥҳа акыр шықәса инеиԥынкыланы ақәра ду нызҵыз ауаа ршьа ҭылҵаауеит, урҭ ршьеи зықәрабжа иахысхьо ауаа ршьеи еиҿлырԥшуеит. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа иахьазы иаадырԥшыз акоуп, зықәра абжа иҭысхьоу ауааи ақәра ду змоу ауааи ршьақәа еиԥшуп уҳәар алшоит, иҷыдоу еиԥшымзаарак рымам. Абиолог лажәақәа рыла, аҭҵаара иахыжьыз реиҳараҩык актәи агәыԥ иаҵанакуа ашьа рымоуп. Ари зегь реиҳа зхыҵуа ақәра змоу ашьақәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны, иара убасгьы адунеи аҟны ақәранҵыра ду змоу ауаа рхыԥхьаӡара агхара мзыз хаданы иԥхьаӡоуп урҭ рынхашьа-нҵышьа, рыфара-рыжәра аҽахьеиҭанакыз, насгьы рыԥсҭазаараҟны агәыԥжәарақәа ахьеиҳахаз агәырӷьарақәа раасҭа. Аха, ус шакәугьы, зхылҵшьҭраҟны ақәра ду нызҵыз ауаа ахьыҟоу, урҭ рхылҵшьҭрагьы ақәра ду нырҵыр алшоит. Убри ауп аген аҵакы даара иӷәӷәаны изыԥхьаӡоугьы. Иҳәатәуп даҽакгьы, аԥсуаа рыбжьара ақәра ду нызҵыз ауаа рыхшыҩ цаны ҳәа ишыҟамыз. Дара аԥсуаа рытрадициақәеи ркультуреи инырықәыршәаны, ауаажәларратәи асоциалтәи ԥсҭазаара еиҳагьы иалахәуп. Иахьатәи аамҭазы зегь реиҳа ақәра змоу рахь иԥхьаӡоуп: Хәаԥ инхо Ҭина Бебиаԥҳа, уи 112 шықәса лхыҵуеит, уи длышьҭанеиуеит Дәрыԥшь инхо, 105 шықәса зхыҵуа Ҭамара Гәымԥҳа, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Мысра инхо Ҭуча Жьиԥҳа – 104 шықәса зхыҵуа. Аԥшьбатәии ахәбатәии аҭыԥқәа рҟны иҟоуп Ҷлоу инхо Нелли Адлеиԥҳаи, Џьгьарда инхо Фениа Лацәышԥҳаи, урҭ рықәрақәа еилауҵар 207 шықәса нырҵхьеит. Игәаумҭарц залшом, раԥхьатәи ахә-ҭыԥк аанызкылаз аҳәса роуп, урҭ рахьтә ԥшьҩык лаҵарамзазы иит. Ахархәара змоу алитература П. Гарб – Долгожители, Москва — "Прогресс" — 1986. С. Бенет – Abkhasians: the long-living people of the Caucasus / Абхазы: долгожители Кавказа, Ниу-Иорк: Холт, Раинхарт & Уинстон, 1974. ад. 112. ISBN 0-03-088040-8 Ш. Д. Инал-иԥа, В. И. Козлов – Среди долгожителей Абхазии, "Академия наук Грузинской ССР - Абхазский институт языка, литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН Грузинской ССР" – 1987. Азгәаҭақәа Акатегориа:Аԥсуаа
37677
https://ab.wikipedia.org/wiki/Урыстәыла_амш
Урыстәыла амш
'''Урыстәыла амш''' — [[рашәарамза 12]], [[1990]] шықәса рзы [[РСФСР]] жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду иаднакылеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа, уаҟа ирылаҳәан Урыстәыла Аконституциеи уи азакәанқәеи шракәу ихадароу мчраны иҟоу. Урыстәылатәи аҳәынҭқарра арӷәӷәара аус иадҳәалаз азҵаарақәа инарываргыланы, акырзҵазкуа усны иҟалеит аҳәынҭқарра ахьӡ ҿыц аҭара – Урыстәылатәи Афедерациа (Урыстәыла) ҳәа. Ари аныҳәа ҳаргьы иаҳзааигәоуоп, аха уи заҳзааигәоу Аԥсны ауааԥсыра рыбжеиҳараҩык Урыстәыла атәылауаҩра ахьрымоу акәӡам, уи ҳзааигәоуп, избанзар ҳаҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рҭоурыхтә лахьынҵақәа акыр еиларсуп; насгьы Урыстәыла ҳара иҳадгылоу ҳәынҭқарроуп, активла ацхыраара ҳтәыла иазҭо. Уи иҟанаҵо адгылара шьақәзырӷәӷәо акоуп Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аҭоурых аҿы хашҭра зқәым арыцхә, анаҩс иҳәынҭқарратә ныҳәамшны ирылаҳәо – [[нанҳәамза 26]], [[2008]] шықәса, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵаз амш. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Кучуберия А. День России в республике отметили торжественным маршем и танцами//Комсомольская Правда. - 2013. - 14 июня, (№20). - С.6. [[Акатегориа:Рашәарамза 12]]
Урыстәыла амш — рашәарамза 12, 1990 шықәса рзы РСФСР жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду иаднакылеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа, уаҟа ирылаҳәан Урыстәыла Аконституциеи уи азакәанқәеи шракәу ихадароу мчраны иҟоу. Урыстәылатәи аҳәынҭқарра арӷәӷәара аус иадҳәалаз азҵаарақәа инарываргыланы, акырзҵазкуа усны иҟалеит аҳәынҭқарра ахьӡ ҿыц аҭара – Урыстәылатәи Афедерациа (Урыстәыла) ҳәа. Ари аныҳәа ҳаргьы иаҳзааигәоуоп, аха уи заҳзааигәоу Аԥсны ауааԥсыра рыбжеиҳараҩык Урыстәыла атәылауаҩра ахьрымоу акәӡам, уи ҳзааигәоуп, избанзар ҳаҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рҭоурыхтә лахьынҵақәа акыр еиларсуп; насгьы Урыстәыла ҳара иҳадгылоу ҳәынҭқарроуп, активла ацхыраара ҳтәыла иазҭо. Уи иҟанаҵо адгылара шьақәзырӷәӷәо акоуп Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аҭоурых аҿы хашҭра зқәым арыцхә, анаҩс иҳәынҭқарратә ныҳәамшны ирылаҳәо – нанҳәамза 26, 2008 шықәса, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵаз амш. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Кучуберия А. День России в республике отметили торжественным маршем и танцами//Комсомольская Правда. - 2013. - 14 июня, (№20). - С.6. Акатегориа:Рашәарамза 12
37676
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гыцба,_Леванти_Борис-иԥа
Гыцба, Леванти Борис-иԥа
'''Леванти Борис-иԥа Гыцба (Гыц Аспа)''' ({{lang-ru|Левантий Борисович Гицба}}; диит {{date|7|6|1945}}) — [[Аԥсны]] [[ашәҟәыҩҩы]]. ==Абиографиа== Арҿиаратә интеллигенциа еснагь аҭыԥ ду ааннакылон Аԥсны алахьынҵа аӡбараҿы. Уи ахаҭарнакцәа дреиуоуп Леванти Борис-иԥа Гыцба - еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы - аԥсуа жәлар рмилаҭ - хақәиҭратә қәԥара активла иҽалаирхәуан. [[1977]] шықәса рзы Аԥсуа жәлар рзинқәа аиҭашьақәыргыларазы, Асовет Еидгыла анапхгарахь иҩыз “[[Аԥсуа шәҟәы]]” знапы аҵаҩыз 130-ҩык аԥсуа нтеллегенциа ирылаз дреиуоуп. Имаз агәаанагаразы Леванти Гыцбеи, Заур Гындиеи, Мирод Ҭырқьбеи ырбаандаҩын, Қарҭтәи абахҭаҿы иҭакын. Леванти Борис-иԥа Гыцба Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш. рзы Бзыԥтәи Гәымсҭатәи афронтқәа рҿы комиссарс дыҟан. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Гыц А. Щурка или Апсха на две недели. Исторический роман. - Сухум: «Дом печати», 1995. *Бигуаа В. Литературоведение. «Щурка или Апсха на две недели»//Акуа. - 2008. - №1. С. 305 [[Акатегориа:Рашәарамза 7 рзы ииз]] [[Акатегориа:1945 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Гыцаа]]
Леванти Борис-иԥа Гыцба (Гыц Аспа) (; диит ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы. Абиографиа Арҿиаратә интеллигенциа еснагь аҭыԥ ду ааннакылон Аԥсны алахьынҵа аӡбараҿы. Уи ахаҭарнакцәа дреиуоуп Леванти Борис-иԥа Гыцба - еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы - аԥсуа жәлар рмилаҭ - хақәиҭратә қәԥара активла иҽалаирхәуан. 1977 шықәса рзы Аԥсуа жәлар рзинқәа аиҭашьақәыргыларазы, Асовет Еидгыла анапхгарахь иҩыз “Аԥсуа шәҟәы” знапы аҵаҩыз 130-ҩык аԥсуа нтеллегенциа ирылаз дреиуоуп. Имаз агәаанагаразы Леванти Гыцбеи, Заур Гындиеи, Мирод Ҭырқьбеи ырбаандаҩын, Қарҭтәи абахҭаҿы иҭакын. Леванти Борис-иԥа Гыцба Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш. рзы Бзыԥтәи Гәымсҭатәи афронтқәа рҿы комиссарс дыҟан. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Гыц А. Щурка или Апсха на две недели. Исторический роман. - Сухум: «Дом печати», 1995. Бигуаа В. Литературоведение. «Щурка или Апсха на две недели»//Акуа. - 2008. - №1. С. 305 Акатегориа:Рашәарамза 7 рзы ииз Акатегориа:1945 шықәсазы ииз Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Гыцаа
37678
https://ab.wikipedia.org/wiki/Шьчуко,_Георги_Владимир-иԥа
Шьчуко, Георги Владимир-иԥа
'''Георги (Иури) Владимир-иԥа Шьчуко''' ({{lang-ru|Георгий (Юрий) Владимирович Щуко}}; {{date|15|6|1905}}, [[Рим]] — {{date|6|10|1960}}, [[Москва]]) — асоветтә [[архитектор]]. ==Абиографиа== Шьчуко Георги (Иури) Владимир-иԥа аурыс советтә архитектор, еицырдыруаз архитектор А.В. Шьчуко иԥа. Шьчуко Георги асоциалисттә Аԥсны ашьапы ақәыргылара аамҭазы имҩаԥигон ақалақьқәа реиҭашьақәыргылареи реиҿкаареи иатәыз аусқәа. Иара иҭихит Аҟәатәи асасааирҭа “Абхазия” апроект, уи ргылахеит иқәыргаз асасааирҭа “Метрополис” аҭыԥан, заԥхьа уаанӡа ари аҭыԥ аҿы асасааирҭа “Франция” (1879) ыҟаз. Асасааирҭатә комплекс “Абхазия” шьақәгылан акыр хыбрақәа рыла, урҭ иреиуан аӡҭарчы, акаҳуажәырҭа, ачаҭирҭа “Кара-Хасан”. Ари асасааирҭа СССР аҿы иреиӷьқәаз рахь иԥхьаӡан. 80-тәи ашықәсқәа рзы асасааирҭа “Абхазия” аҿы аус ауан акомпаниа “Интурист” Аԥснытәи аҟәша аштаб-квартира. Шьчуко Георги (Иури) Владимир-иԥа иара убас далахәын академик В.Г. Гельфреихи егьырҭ еицырдыруаз анџьнырцәеи дрывагыланы Тҟәарчал ақалақь аплан хада ашьақәыргылара. ==Алитература== *Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. *Агумаа А. История нашей столицы - в фотографиях: [гостиница « Гранд - отель»]// РА. - 2009. – 31 янв. – 1 фев, (№10). - С. 6. *Иконников А.В. Архитектура ХХ века. Утопии и реальность: издание в 2-х т. /А.В. Иконников. - М.: «Прогресс - Традиция», 2002. - 672 с. [[Акатегориа:Рашәарамза 15 рзы ииз]] [[Акатегориа:1905 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Жьҭаарамза 6 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1960 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Асовет архитекторцәа]]
Георги (Иури) Владимир-иԥа Шьчуко (; , Рим — , Москва) — асоветтә архитектор. Абиографиа Шьчуко Георги (Иури) Владимир-иԥа аурыс советтә архитектор, еицырдыруаз архитектор А.В. Шьчуко иԥа. Шьчуко Георги асоциалисттә Аԥсны ашьапы ақәыргылара аамҭазы имҩаԥигон ақалақьқәа реиҭашьақәыргылареи реиҿкаареи иатәыз аусқәа. Иара иҭихит Аҟәатәи асасааирҭа “Абхазия” апроект, уи ргылахеит иқәыргаз асасааирҭа “Метрополис” аҭыԥан, заԥхьа уаанӡа ари аҭыԥ аҿы асасааирҭа “Франция” (1879) ыҟаз. Асасааирҭатә комплекс “Абхазия” шьақәгылан акыр хыбрақәа рыла, урҭ иреиуан аӡҭарчы, акаҳуажәырҭа, ачаҭирҭа “Кара-Хасан”. Ари асасааирҭа СССР аҿы иреиӷьқәаз рахь иԥхьаӡан. 80-тәи ашықәсқәа рзы асасааирҭа “Абхазия” аҿы аус ауан акомпаниа “Интурист” Аԥснытәи аҟәша аштаб-квартира. Шьчуко Георги (Иури) Владимир-иԥа иара убас далахәын академик В.Г. Гельфреихи егьырҭ еицырдыруаз анџьнырцәеи дрывагыланы Тҟәарчал ақалақь аплан хада ашьақәыргылара. Алитература Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Агумаа А. История нашей столицы - в фотографиях: [гостиница « Гранд - отель»]// РА. - 2009. – 31 янв. – 1 фев, (№10). - С. 6. Иконников А.В. Архитектура ХХ века. Утопии и реальность: издание в 2-х т. /А.В. Иконников. - М.: «Прогресс - Традиция», 2002. - 672 с. Акатегориа:Рашәарамза 15 рзы ииз Акатегориа:1905 шықәсазы ииз Акатегориа:Жьҭаарамза 6 рзы иԥсыз Акатегориа:1960 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Асовет архитекторцәа
37662
https://ab.wikipedia.org/wiki/Eazy-E
Eazy-E
[[Афаил:We Want Eazy! (restored).jpg|We_Want_Eazy!_(restored)|мини|Изи 1993 ш.]] '''Ерик Линн Раит''', еиҳа еицырдыруа исцентәи ахьыӡла '''"Eazy-E"''' ('''Изи И''') еиԥш ({{lang-en|Eric Lynn Wright}}; {{date|7|9|1964}} [[Комптон (Калифорниа)|Комптон]] ақ., [[Калифорниа]]<ref>THE BIRTH OF ERIC WRIGHT. [https://www.californiabirthindex.org/birth/eric_l_wright_born_1964_9042083 californiabirthindex.org]</ref> – {{date|26|3|1995}} [[Лос-Анџьелес]] ақ.) — [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|америкатәи]] легендаратәи [[Ареп|реппер]], ашьаҭарқҩы еиҵырдыруа агәыԥ [[N.W.A.]] Ruthless Records ашәа зырҳәоз аҟны амузик-леиблеи. ==Акарьера== Изи И даныхәҷаз абанда даллеит. Ахәшә ҭиира даҿын. Нас ианшьаԥа даныршьы уи азы, абри аус дакәыҵҭ, ишкол аҩыза Андре дицны ареп-музик ҟаҵара далагеит. [[1986]] ш. Андре даҿа иҩызцәа даԥхьеит - Arabian Prince, Ice Cube, [[DJ Yella]], иаҳа у.и. Арҭ Ерикеи нас еибадырреит, агәыԥ инаԥы ҵақны иԥарала ҟарҵеиҭ. Уи агәыԥ ирацәаны ашәақәа аполициа араԥцәа рзыҳәан ацәымӷара убастәи аамҭа азы иҟаз ҵакыс иазқәу иҟарҵеит. Абри атема ахадас иҟан. Ерик соло идебиуттә альбом даҿа ҵақыс ҳәа иаман. "Абрагь" аҟазашьа ишәақәа рҿы еиҳаҟара ыҟан. Уи альбом ''"[[Eazy-Duz-It]]"'' аҟны зегьы агәыԥ алахәыцәа рхы рдырхеит. Аха Ерик ихьӡала заҵәыҟ иҟарҵеит альбом.<ref>[https://www.britannica.com/topic/NWA britannica.com]</ref> [[1988]] Arabian Prince агәыԥ дҭыҵҭ.<ref>[https://nwa.fandom.com/wiki/Arabian_Prince nwa.fandom.com]</ref> [[1989]] Ice Cube агәыԥ дҭыҵҭ.<ref>[https://www.revolt.tv/article/2023-07-26/318169/ice-cube-explains-why-he-parted-ways-with-nwa/ www.revolt.tv]</ref> [[1991]] Аԥара аимак азы агәыԥ еибаҳаит. Андре Ерикеи еибаргәааит, Андре ихатәи леибл инаигӡеит. Ерик ихатәи карьера далагеит. Ҩы-миниальбомк иҭаижьеит. Ерик ирацәаны иҟаиҵар иҭахын, аха [[1996]] ш. аԥсҭазаара далҵиҭ. [[Де-иури]] АСПИД азыҳәан. Ерик данԥсы [[DJ Yella]] ихьӡала акы альбомеи акы мини-альбомеи иҭаижьеит иԥсы дынҭаз иҟаиҵаз аматериал еизганы.<ref>[https://www.imdb.com/title/tt0374634/ www.imdb.com]</ref> == Альбомқәа == ===Астудио альбомқәа=== * ''[[Eazy-Duz-It]]'' (1988 ш.) * ''[[Str8 off tha Streetz of Muthaphukkin Compton]]'' (1996 ш.) ===Амини-альбомқәа=== * ''[[5150: Home 4 tha Sick]]'' (1992 ш.) * ''[[It's On (Dr. Dre) 187um Killa]]'' (1993 ш.) * ''[[Impact of a Legend]]'' (2002 ш.) ===N.W.A аӷәыԥ алахәыла=== * ''[[N.W.A. and the Posse]]'' (1987 ш.) * ''[[Straight Outta Compton]]'' (1988 ш.) * ''[[100 Miles and Runnin']]'' (199 ш.0) * ''[[Niggaz4Life]]'' (1991) ==Алитература== *Westhoff, Ben (2017). Original Gangstas: The Untold Story of Dr. Dre, Eazy-E, Ice Cube, Tupac Shakur, and the Birth of West Coast Rap. New York: Hachette Books. ISBN 978-0-3163-4485-2. ==Азхьарԥшқәа== * [http://vault.fbi.gov/eric-wright-easy-e-ez-e/eric-wright-easy-e-ez-e FBI file on Eazy-E] ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1963 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Цәыббрамза 7 рзы ииз]] [[Акатегориа:1995 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 26 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Америкатәи ашәаҳәаҩцәа]]
Ерик Линн Раит, еиҳа еицырдыруа исцентәи ахьыӡла "Eazy-E" (Изи И) еиԥш (; Комптон ақ., КалифорниаTHE BIRTH OF ERIC WRIGHT. californiabirthindex.org – Лос-Анџьелес ақ.) — америкатәи легендаратәи реппер, ашьаҭарқҩы еиҵырдыруа агәыԥ N.W.A. Ruthless Records ашәа зырҳәоз аҟны амузик-леиблеи. Акарьера Изи И даныхәҷаз абанда даллеит. Ахәшә ҭиира даҿын. Нас ианшьаԥа даныршьы уи азы, абри аус дакәыҵҭ, ишкол аҩыза Андре дицны ареп-музик ҟаҵара далагеит. 1986 ш. Андре даҿа иҩызцәа даԥхьеит - Arabian Prince, Ice Cube, DJ Yella, иаҳа у.и. Арҭ Ерикеи нас еибадырреит, агәыԥ инаԥы ҵақны иԥарала ҟарҵеиҭ. Уи агәыԥ ирацәаны ашәақәа аполициа араԥцәа рзыҳәан ацәымӷара убастәи аамҭа азы иҟаз ҵакыс иазқәу иҟарҵеит. Абри атема ахадас иҟан. Ерик соло идебиуттә альбом даҿа ҵақыс ҳәа иаман. "Абрагь" аҟазашьа ишәақәа рҿы еиҳаҟара ыҟан. Уи альбом "Eazy-Duz-It" аҟны зегьы агәыԥ алахәыцәа рхы рдырхеит. Аха Ерик ихьӡала заҵәыҟ иҟарҵеит альбом.britannica.com 1988 Arabian Prince агәыԥ дҭыҵҭ.nwa.fandom.com 1989 Ice Cube агәыԥ дҭыҵҭ.www.revolt.tv 1991 Аԥара аимак азы агәыԥ еибаҳаит. Андре Ерикеи еибаргәааит, Андре ихатәи леибл инаигӡеит. Ерик ихатәи карьера далагеит. Ҩы-миниальбомк иҭаижьеит. Ерик ирацәаны иҟаиҵар иҭахын, аха 1996 ш. аԥсҭазаара далҵиҭ. Де-иури АСПИД азыҳәан. Ерик данԥсы DJ Yella ихьӡала акы альбомеи акы мини-альбомеи иҭаижьеит иԥсы дынҭаз иҟаиҵаз аматериал еизганы.www.imdb.com Альбомқәа Астудио альбомқәа Eazy-Duz-It (1988 ш.) Str8 off tha Streetz of Muthaphukkin Compton (1996 ш.) Амини-альбомқәа 5150: Home 4 tha Sick (1992 ш.) It's On (Dr. Dre) 187um Killa (1993 ш.) Impact of a Legend (2002 ш.) N.W.A аӷәыԥ алахәыла N.W.A. and the Posse (1987 ш.) Straight Outta Compton (1988 ш.) 100 Miles and Runnin' (199 ш.0) Niggaz4Life (1991) Алитература Westhoff, Ben (2017). Original Gangstas: The Untold Story of Dr. Dre, Eazy-E, Ice Cube, Tupac Shakur, and the Birth of West Coast Rap. New York: Hachette Books. ISBN 978-0-3163-4485-2. Азхьарԥшқәа FBI file on Eazy-E Азгәаҭақәа Акатегориа:1963 шықәсазы ииз Акатегориа:Цәыббрамза 7 рзы ииз Акатегориа:1995 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Хәажәкырамза 26 рзы иԥсыз Акатегориа:Америкатәи ашәаҳәаҩцәа
37682
https://ab.wikipedia.org/wiki/Д._И._Гәлиа_илитературатә-мемориалтә_музеи
Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи
[[Афаил:Литературно-мемориальный музей Д. И. Гулиа 35.jpg|мини|Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи]] '''Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи''' — Аҩны ргылан [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Д. И. Гәлиа]] иааихәаз аучасткаҿы [[1912]] шықәсазы. Убри ашықәс инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа милаҭ литеартуреи атеатри рышьаҭаркҩы Д. Гәлиа иҭаацәеи иареи абри аҩнаҿы инхон. Араҟа ирызҳаит уи иԥацәа – аиҳабы, еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы, асахьаҭыхҩы [[Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа|Гьаргь Гәлиеи]], аиҵбы – 37-тәи ашықәсқәа раан «жәлар раӷа» ҳәа ибжьадырӡыз, анаҩс Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз анџьныр [[Гәлиа, Владимир|Владимир Гәлиеи]], апоет иԥҳа заҵәы – еицырдыруаз арҵаҩы, акыр шықәса ари аҩны-амузеи еиҳабыс иамаз Т. Д. Гәлиеи. Иахьагьы аԥшәмацәа анынхоз еиԥшҵәҟьа еиқәырханы иаагоу ари аҩны амемориалтә қәыԥшылараҿы иумбарц залшом мазара дук змамыз, аҭаацәа реиҳабы ирҵаҩратәи, илитература- ҭҵаарадырратә усуреи ирыҭныҵуаз ада хашәалахәык змамыз аҭаацәа рыбзазаашьа, еилукаауеит заҟа амҽхак ҭбааз, ган рацәала еиларсыз [[аԥсуа литература]] ашьаҭаркҩы, арккаҩы Дырмит Гәлиа иусура амҽхак. Адиректор: Светлана Корсаиаԥҳа. Дырмит Гәлиа иҩны адунеи атәылақәа рҿы ирацәаны ирдыруеит, апоет сасра иҭаауан адунеи аҿы еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа, акультура аусзуҩцәа, арҿиаҩцәа. Уи ари аҩны аҿы дынхон 1912 шықәса инаркны [[1960]] шықәсанӡа – иԥсҭазаара аӷьырак. Аҩны-амузеи аԥҵан [[1974]] шықәсазы апоет и-100 шықәса хыҵра инақәыршәаны. Араҟа – Д. Гәлиа дахьынхоз аҩны афотосахьа. Д. Гәлиа икабинет аҿы. Ари акабинет сасааирҭасгьы иҟан, аҩны иацҵаны иадҟаҵалан [[1949]] шықәсазы. Ара асимволтә ҵакы змоу акакәны иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы амца зҭарҵо, ауаџьаҟ. [[Афаил:Литературно-мемориальный музей Д. И. Гулиа 18.jpg|мини|слева]] Апоет аус ахьиуаз, дзыдтәалаз астол иқәгылоуп амеланҭра, иара убас иԥа Гь. Гәлиа ҳамҭас ииҭаз ашәҟәы – [[Брокгаузи Ефрони ренциклопедиатә жәар]]; акабинет иҩнагылоуп адивани, акреслақәеи, астол гьежь хәыҷи – ари ауадаҿы акәын Д. Гәлиа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, иара убас еицырдыруа асасцәа лассы-лассы иахьидикылоз; аҭӡамцқәа ирҿаҟаҵоу ашәҟәықәҵарҭақәа рҿы иҟоуп Д. Гәлиа ихатәы библиотека, тематикала еиуеиԥшым ашәҟәқәа – арҵагақәа инадыркны асахьаркыратә литература аҟынӡа. Ара ихадоу еқспонатны иҟоуп авитрина иҵахҩоу [[1925]] шықәсазы иҭыжьыз Д. Гәлиа ишәҟәы «Аԥсны аҭоурых». Ари ауадаҿы игылоуп апоет иԥҳа лзы иаахәаз апианино «Лира». Азал уаахьадәылҵуа аверандаҿы игылоуп Д. Гәлиа икресла-уаргьала. Аҭӡамц аҿы икнаҳауп аукраин сахьаҭыхҩы А. Горбенко авторс дызмоу Д. Гәлиа ипортреҭ; Акоридор Д. Гәлиа ихаан сасааирҭаны иҟан. Уажәы араҟа аҭӡамцқәа рҿы икыдуп Д. Гәлиеи еицырдыруа аурыс, иара убас аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәеи акультура аусзуҩцәеи рпортретқәа еицҭыхны. Аҭӡамцқәа рҿы икыдуп Гьаргь Гәлиа даныхәыҷыз карандашьла иҭыхымҭақәа, иара убас уи авторс дызмоу «Аб ипортреҭ». [[Афаил:Литературно-мемориальный музей Д. И. Гулиа 14.jpg|мини]] [[Афаил:Литературно-мемориальный музей Д. И. Гулиа 31.jpg|мини]] Ара ицәыргақәҵоуп [[1954]] шықәсазы еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы К. Симонов Д. Гәлиа имширазы ҳамҭас ииҭаз китаитәи ачықьмаџьа, араӡны иалху аҭаҭыныжәгақәа рсериа – урҭ зегьы ҳамҭақәоуп. Иҟоуп иара убас М. В. Морозова Д. Гәлиа ҳамҭас илҭаз амеланҭра. Гьаргь Гәлиа иаб данԥсы ашьҭахь маркатылла иамихыз ихцәы ашьыҵәра. Аеқспозициатә залқәа зегьы ашәҟәыҩҩы иусура аҟәшак налкааны, темак иазкны еиҿкаауп. Аҩбатәи аихагыла актәи азал аҿы иубоит аԥсуа ҵаралашара раԥхьатәи ахыҵхырҭа – [[1862]] шықәсазы Услар еиқәиршәаз раԥхьаӡатәи аԥсуа нбани, иара убас Бартоломеи инапхгарала [[1865]] ш. иҭыжьыз Апсуа нбани рсахьақәеи, дара аурыс ҵарауаа-аинралцәа рпортреҭқәеи. Ари азал аҿы иаарԥшуп амҳаџьырра атема, икыдуп ахсаала, ажәлар ахьынтәықәырцоз амшын агаҿа зну апортретқәа, урҭ мшынла изгоз аӷбақәа рсахьақәа, игәаҟны иҟоу ауаа амшын аԥшаҳәаҿы. Д. Гәлиа игәалашәарақәа зну анапылаҩырақәа, уи иажәеинраала «Сыԥсадгьыл»: Ари азал аҿы иара убасгьы икыдуп Д. Гәлиа иаҳәшьа гәакьа лнапала илԥаз ауарҳал хәыҷы. Ауада егьи аган зегьы аԥсуа жәлар рыбзазара атәы зҳәо амаҭәарқәа ианныркылоит: жәлар рмилаҭтә музыкатә инструментқәа – аԥхьарца, аҩымаа уҳәа, иара убасгьы аҩны ахархәара змаз амаҭәарқәа: ақәаб, амҵәышә, абҩеи ашыци ирылху амҳаҵәқәа убас агьырҭгьы. Ашә иазааигәаны, аган аҿы аҭӡаҿы икыдуп Д. Гәлиа Ашьхаруаа рышкол дшалгаз атәы зҳәо аршаҳаҭга. Иара убас ара икыдуп Гәлиа иашьа еиҵбы Иван Гәлиа иеизигоз аԥсуа лакәқәа реизга ашәҟәы. Анаҩс икыдуп Д. Гәлиа хаҭала иидыруаз, дзыҿцәажәахьаз аԥсуа жәаҳәаҩцәа ҟазацәа рфотосахьақәа. Аҩбатәи аихагыла аҩбатәи азал аҿы иаабоит Д. Гәлиа К. Маҷавариани дицырхырааны [[1892]] шықәсазы иаԥырҵаз анбан. Иара убас ара иҟоуп Д. Гәлиа аус ахьиуаз аԥсуа школқәа зегьы рсиа, асахьақәа. Д. Гәлиа аԥсуа милаҭ маҭәа ишәҵаны ипортреҭ. Анаҩс иубоит хәыҷы-хәыҷла раԥхьатәи арккаҩы иааиҵагылаз иҩызцәа рфотосахьақәа: А. М. Ҷоҷуа, Ф. Ешба, П. Ҷараиа. Ашәҟәыҩҩы Гь. Чачба ипортреҭ. Анаҩстәи аҭӡы азкуп Д. Гәлиа аҭҵааратә-аларҵәаратә литература аганахьала иеиҭагамҭакәа. Даҽа ҭӡык ааныркылоит Д. Гәлиа аԥсшәахь иеиҭеигахьаз адинхаҵаратә литература. Иара убас Аҟәатәи аепархьиа аиҳабы аԥшьаҩы Дмитри Маан ипортреҭ. Ара икнаҳауп апоет уамашәа бзиа иибоз икабеи ихҭырԥеи, иԥшәма ԥҳәыс Елена Андреи-иԥҳа лкәадыри. Аҩбатәи аихагыла ахԥатәи азал аҿы ицәыргақәҵоуп Д. Гәлиа раԥхьатәи исахьаркыратә шәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи». Авараҿы - [[1913]] шықәсазы иҭыжьыз «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы». Аҭӡаҿы икыдуп Дырмит Есыф-иԥеи Елена Андреи-иԥҳаи рчараҟнытә афотосахьа. Иара 37 ш. ихыҵуеит, лара – 16. Ари ауадаҿы хадара зуа еқспонатны иҟоуп - Д. Гәлиа иҭижьуаз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «[[Аԥсны (агазеҭ)|Аԥсны]]». Иара ара ицәыргақәҵоуп раԥхьатәи аԥсуа ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» анапылаҩыра ацыԥҵәаха. Ари азал уанаадәылҵуа алахьеиқәҵаратә уада ыҟоуп. Уи кадифа еиқәаҵәала иҭалаҳауп, ԥенџьыргьы амам, ара ицәыргақәҵоуп Д. Гәлиа данԥсы ашьҭахь Гәлиа ипремиа алауреат Гиви Рухаӡе иҟаҵамҭоу апоет исабрада. Актәи аихагылаҿы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирызку аеқспозициатә Зал ду аҿы ицәыргақәҵоуп 1920-1932 шш. рызтәи аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку ахрестоматиақәа, Д. Гәлиа ҳамҭас ианаршьахьаз адыргақәеи, амедалқәеи, ашәҟәқәеи. Д. Гәлиа идрама «Анаурқәа» анапылаҩратә цыԥҵәаха; [[Шьоҭа Русҭавели|Шь. Русҭавели]], Д. Чонкаӡе, Н. Некрасов рырҿиамҭақәа аԥсшәахь реиҭагамҭақәа; Д. Гәлиа иҭҵаарадырратә усумҭақәа – «Аорфографиа», «Атерминологиа», аԥсуа грамматикеи Аԥсны аҭоурыхи ирызку аматериалқәа; Иара убас ашәҟәыҭрақәа рҿы иқәгылоуп аԥсуа литература аклассикцәа рышәҟәы лыԥшаахқәа. Амузеи аҿы ицәыргақәҵоуп Д. Гәлиа иԥсы анҭаз иҭыҵхьаз ишәҟәқәа, иҩымҭақәа акык-ҩбак рҟнытә инапылаҩырақәа, ихатәы маҭәақәа, иҩыгақәа, ипортретқәа, ибиустқәа, Д. Гәлиеи, иҭаацәеи, хыԥхьаӡара рацәала исасцәеи рфотосахьақәа. Аеқскурсиақәа мҩаԥыргоит ес-ҽны, асааҭ 10. 00 инаркны 16. 00 рҟынӡа. Аԥсшьара мшқәа – асабшеи амҽышеи. Актәи аихагылаҿы иҟоуп аиԥыларақәеи алитературатә хәылԥазқәеи ахьымҩаԥысуа Азал. ==Азхьарԥшқәа== {{commonscat|D.I.Gulia Literary Memorial Museum}} * [https://www.facebook.com/people/%D0%9B%D0%B8%D1%82%D0%B5%D1%80%D0%B0%D1%82%D1%83%D1%80%D0%BD%D0%BE-%D0%BC%D0%B5%D0%BC%D0%BE%D1%80%D0%B8%D0%B0%D0%BB%D1%8C%D0%BD%D1%8B%D0%B9-%D0%BC%D1%83%D0%B7%D0%B5%D0%B9-%D0%94-%D0%98-%D0%93%D1%83%D0%BB%D0%B8%D0%B0/100063693782544/ Аофициалтә профиль] [[Акатегориа:Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу амузеиқәа]] [[Акатегориа:Аԥсны иҟоу алитературатә музеиқәа]] [[Акатегориа:Аԥсны иҟоу аблахкыгарҭақәа]]
Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи — Аҩны ргылан Д. И. Гәлиа иааихәаз аучасткаҿы 1912 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа милаҭ литеартуреи атеатри рышьаҭаркҩы Д. Гәлиа иҭаацәеи иареи абри аҩнаҿы инхон. Араҟа ирызҳаит уи иԥацәа – аиҳабы, еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы, асахьаҭыхҩы Гьаргь Гәлиеи, аиҵбы – 37-тәи ашықәсқәа раан «жәлар раӷа» ҳәа ибжьадырӡыз, анаҩс Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз анџьныр Владимир Гәлиеи, апоет иԥҳа заҵәы – еицырдыруаз арҵаҩы, акыр шықәса ари аҩны-амузеи еиҳабыс иамаз Т. Д. Гәлиеи. Иахьагьы аԥшәмацәа анынхоз еиԥшҵәҟьа еиқәырханы иаагоу ари аҩны амемориалтә қәыԥшылараҿы иумбарц залшом мазара дук змамыз, аҭаацәа реиҳабы ирҵаҩратәи, илитература- ҭҵаарадырратә усуреи ирыҭныҵуаз ада хашәалахәык змамыз аҭаацәа рыбзазаашьа, еилукаауеит заҟа амҽхак ҭбааз, ган рацәала еиларсыз аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы Дырмит Гәлиа иусура амҽхак. Адиректор: Светлана Корсаиаԥҳа. Дырмит Гәлиа иҩны адунеи атәылақәа рҿы ирацәаны ирдыруеит, апоет сасра иҭаауан адунеи аҿы еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа, акультура аусзуҩцәа, арҿиаҩцәа. Уи ари аҩны аҿы дынхон 1912 шықәса инаркны 1960 шықәсанӡа – иԥсҭазаара аӷьырак. Аҩны-амузеи аԥҵан 1974 шықәсазы апоет и-100 шықәса хыҵра инақәыршәаны. Араҟа – Д. Гәлиа дахьынхоз аҩны афотосахьа. Д. Гәлиа икабинет аҿы. Ари акабинет сасааирҭасгьы иҟан, аҩны иацҵаны иадҟаҵалан 1949 шықәсазы. Ара асимволтә ҵакы змоу акакәны иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы амца зҭарҵо, ауаџьаҟ. мини|слева Апоет аус ахьиуаз, дзыдтәалаз астол иқәгылоуп амеланҭра, иара убас иԥа Гь. Гәлиа ҳамҭас ииҭаз ашәҟәы – Брокгаузи Ефрони ренциклопедиатә жәар; акабинет иҩнагылоуп адивани, акреслақәеи, астол гьежь хәыҷи – ари ауадаҿы акәын Д. Гәлиа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, иара убас еицырдыруа асасцәа лассы-лассы иахьидикылоз; аҭӡамцқәа ирҿаҟаҵоу ашәҟәықәҵарҭақәа рҿы иҟоуп Д. Гәлиа ихатәы библиотека, тематикала еиуеиԥшым ашәҟәқәа – арҵагақәа инадыркны асахьаркыратә литература аҟынӡа. Ара ихадоу еқспонатны иҟоуп авитрина иҵахҩоу 1925 шықәсазы иҭыжьыз Д. Гәлиа ишәҟәы «Аԥсны аҭоурых». Ари ауадаҿы игылоуп апоет иԥҳа лзы иаахәаз апианино «Лира». Азал уаахьадәылҵуа аверандаҿы игылоуп Д. Гәлиа икресла-уаргьала. Аҭӡамц аҿы икнаҳауп аукраин сахьаҭыхҩы А. Горбенко авторс дызмоу Д. Гәлиа ипортреҭ; Акоридор Д. Гәлиа ихаан сасааирҭаны иҟан. Уажәы араҟа аҭӡамцқәа рҿы икыдуп Д. Гәлиеи еицырдыруа аурыс, иара убас аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәеи акультура аусзуҩцәеи рпортретқәа еицҭыхны. Аҭӡамцқәа рҿы икыдуп Гьаргь Гәлиа даныхәыҷыз карандашьла иҭыхымҭақәа, иара убас уи авторс дызмоу «Аб ипортреҭ». мини мини Ара ицәыргақәҵоуп 1954 шықәсазы еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы К. Симонов Д. Гәлиа имширазы ҳамҭас ииҭаз китаитәи ачықьмаџьа, араӡны иалху аҭаҭыныжәгақәа рсериа – урҭ зегьы ҳамҭақәоуп. Иҟоуп иара убас М. В. Морозова Д. Гәлиа ҳамҭас илҭаз амеланҭра. Гьаргь Гәлиа иаб данԥсы ашьҭахь маркатылла иамихыз ихцәы ашьыҵәра. Аеқспозициатә залқәа зегьы ашәҟәыҩҩы иусура аҟәшак налкааны, темак иазкны еиҿкаауп. Аҩбатәи аихагыла актәи азал аҿы иубоит аԥсуа ҵаралашара раԥхьатәи ахыҵхырҭа – 1862 шықәсазы Услар еиқәиршәаз раԥхьаӡатәи аԥсуа нбани, иара убас Бартоломеи инапхгарала 1865 ш. иҭыжьыз Апсуа нбани рсахьақәеи, дара аурыс ҵарауаа-аинралцәа рпортреҭқәеи. Ари азал аҿы иаарԥшуп амҳаџьырра атема, икыдуп ахсаала, ажәлар ахьынтәықәырцоз амшын агаҿа зну апортретқәа, урҭ мшынла изгоз аӷбақәа рсахьақәа, игәаҟны иҟоу ауаа амшын аԥшаҳәаҿы. Д. Гәлиа игәалашәарақәа зну анапылаҩырақәа, уи иажәеинраала «Сыԥсадгьыл»: Ари азал аҿы иара убасгьы икыдуп Д. Гәлиа иаҳәшьа гәакьа лнапала илԥаз ауарҳал хәыҷы. Ауада егьи аган зегьы аԥсуа жәлар рыбзазара атәы зҳәо амаҭәарқәа ианныркылоит: жәлар рмилаҭтә музыкатә инструментқәа – аԥхьарца, аҩымаа уҳәа, иара убасгьы аҩны ахархәара змаз амаҭәарқәа: ақәаб, амҵәышә, абҩеи ашыци ирылху амҳаҵәқәа убас агьырҭгьы. Ашә иазааигәаны, аган аҿы аҭӡаҿы икыдуп Д. Гәлиа Ашьхаруаа рышкол дшалгаз атәы зҳәо аршаҳаҭга. Иара убас ара икыдуп Гәлиа иашьа еиҵбы Иван Гәлиа иеизигоз аԥсуа лакәқәа реизга ашәҟәы. Анаҩс икыдуп Д. Гәлиа хаҭала иидыруаз, дзыҿцәажәахьаз аԥсуа жәаҳәаҩцәа ҟазацәа рфотосахьақәа. Аҩбатәи аихагыла аҩбатәи азал аҿы иаабоит Д. Гәлиа К. Маҷавариани дицырхырааны 1892 шықәсазы иаԥырҵаз анбан. Иара убас ара иҟоуп Д. Гәлиа аус ахьиуаз аԥсуа школқәа зегьы рсиа, асахьақәа. Д. Гәлиа аԥсуа милаҭ маҭәа ишәҵаны ипортреҭ. Анаҩс иубоит хәыҷы-хәыҷла раԥхьатәи арккаҩы иааиҵагылаз иҩызцәа рфотосахьақәа: А. М. Ҷоҷуа, Ф. Ешба, П. Ҷараиа. Ашәҟәыҩҩы Гь. Чачба ипортреҭ. Анаҩстәи аҭӡы азкуп Д. Гәлиа аҭҵааратә-аларҵәаратә литература аганахьала иеиҭагамҭакәа. Даҽа ҭӡык ааныркылоит Д. Гәлиа аԥсшәахь иеиҭеигахьаз адинхаҵаратә литература. Иара убас Аҟәатәи аепархьиа аиҳабы аԥшьаҩы Дмитри Маан ипортреҭ. Ара икнаҳауп апоет уамашәа бзиа иибоз икабеи ихҭырԥеи, иԥшәма ԥҳәыс Елена Андреи-иԥҳа лкәадыри. Аҩбатәи аихагыла ахԥатәи азал аҿы ицәыргақәҵоуп Д. Гәлиа раԥхьатәи исахьаркыратә шәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи». Авараҿы - 1913 шықәсазы иҭыжьыз «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы». Аҭӡаҿы икыдуп Дырмит Есыф-иԥеи Елена Андреи-иԥҳаи рчараҟнытә афотосахьа. Иара 37 ш. ихыҵуеит, лара – 16. Ари ауадаҿы хадара зуа еқспонатны иҟоуп - Д. Гәлиа иҭижьуаз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны». Иара ара ицәыргақәҵоуп раԥхьатәи аԥсуа ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» анапылаҩыра ацыԥҵәаха. Ари азал уанаадәылҵуа алахьеиқәҵаратә уада ыҟоуп. Уи кадифа еиқәаҵәала иҭалаҳауп, ԥенџьыргьы амам, ара ицәыргақәҵоуп Д. Гәлиа данԥсы ашьҭахь Гәлиа ипремиа алауреат Гиви Рухаӡе иҟаҵамҭоу апоет исабрада. Актәи аихагылаҿы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирызку аеқспозициатә Зал ду аҿы ицәыргақәҵоуп 1920-1932 шш. рызтәи аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку ахрестоматиақәа, Д. Гәлиа ҳамҭас ианаршьахьаз адыргақәеи, амедалқәеи, ашәҟәқәеи. Д. Гәлиа идрама «Анаурқәа» анапылаҩратә цыԥҵәаха; Шь. Русҭавели, Д. Чонкаӡе, Н. Некрасов рырҿиамҭақәа аԥсшәахь реиҭагамҭақәа; Д. Гәлиа иҭҵаарадырратә усумҭақәа – «Аорфографиа», «Атерминологиа», аԥсуа грамматикеи Аԥсны аҭоурыхи ирызку аматериалқәа; Иара убас ашәҟәыҭрақәа рҿы иқәгылоуп аԥсуа литература аклассикцәа рышәҟәы лыԥшаахқәа. Амузеи аҿы ицәыргақәҵоуп Д. Гәлиа иԥсы анҭаз иҭыҵхьаз ишәҟәқәа, иҩымҭақәа акык-ҩбак рҟнытә инапылаҩырақәа, ихатәы маҭәақәа, иҩыгақәа, ипортретқәа, ибиустқәа, Д. Гәлиеи, иҭаацәеи, хыԥхьаӡара рацәала исасцәеи рфотосахьақәа. Аеқскурсиақәа мҩаԥыргоит ес-ҽны, асааҭ 10. 00 инаркны 16. 00 рҟынӡа. Аԥсшьара мшқәа – асабшеи амҽышеи. Актәи аихагылаҿы иҟоуп аиԥыларақәеи алитературатә хәылԥазқәеи ахьымҩаԥысуа Азал. Азхьарԥшқәа Аофициалтә профиль Акатегориа:Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу амузеиқәа Акатегориа:Аԥсны иҟоу алитературатә музеиқәа Акатегориа:Аԥсны иҟоу аблахкыгарҭақәа
37684
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гәлиа,_Гьаргь_Дырмит-иԥа
Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы |ахьӡ=Гьаргь Гәлиа}} '''Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа''' ({{date|14|3|1913|1||}}, [[Аҟәа]] — {{date|18|10|1989}}, [[Москва]]) — Аԥсны жәлар рпоет, арккаҩы [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Д. Е. Гәлиа]] иԥа еиҳабы. Гь. Гәлиа урыс бызшәала иҩуаз аԥсуа советтә шәҟәыҩҩуп, дпублициступ. Гь. Гәлиа – [[Қырҭтәылатәи ССР]] аҟазара зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы (1943); [[СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла]] алахәыла (1934); СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Иреиҳаӡоу анапхгара алахәыла (1955); СССР Аҳәынҭқарратә премиа алауреат(1949); Д. Е. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1974). Далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол (1929); Қарҭтәи аахыҵкавказтәи амҩаеимадаратә нџьнырратә институт (1935). Аус иуан: Амшынеиқәатәи аихамҩа ([[Дранда]] – Агәыӡера аучасток) аргылараҿы. ; агазеҭ «Аԥснытәи акомҿар» аредақтор хада ихаҭыԥуаҩыс (1937 инаркны); Аԥснытәи АССР Асоветтә жәлар ркомитет аҿы аҟазара аусқәа рнапхгаҩыс (1939 ш. инаркны); 1948 ш. рзы Аԥсны Сталини Бериеи рхаан имҩаԥысуаз арепрессиатә политика иахҟьаны Москваҟа диасит нхара. Аус иуан агазеҭ «Литературная газета» аҿы, аредколлегиа далахәын. 1968 ш. ихациркит «Литературная газета» ацҵа «Пушкин иныҳәа» аҭыжьра. Аҵыхәтәантәи аномер ҭыҵит 1989 ш. рзы. Гь. Гәлиа авторс дрымоуп «Дынхон-дыҟан аԥсуа ҷкәын» зыхьӡу ахәыҷра иазку ажәабжьқәа рсериа («Адилижанс», «Абомбакажьра», «Нандуи ашәаӡа згәылоу амгьал гьыжьқәеи», «Аҵлашқәа», «Аиубилеи», «Аҵара – лашароуп», «Еицырдыруа Шимкунас», «До-ре-ми-фа», «Азиатцәа рмагә» уҳәа егьырҭгьы, аамҭак ицаныз ауаа ирызку ажәабжьқәа: «Ԥсыуала аԥҳәысаагара»,»Алоль! Алоль!Алоль», «Соиԥсаратәи агуманоид», «Артист иԥсра», «Идырым аԥсуа иԥсра» уҳәа иҵ. ; аповестқәа: «Ашьаура»(1936), «Сакьан ааԥынра» (1947 ш. – СССР Аҳәынҭқарратә премиа занашьаз), «Ақалақь гәыҭбаа» (1949), «Кама» (1953), «Асас еиқәаҵәақәа» (1950), «Ахьатә ҩны» (1961), «Зегьы ирбеит аӡы шыцәаз» (1978), «Апоет, ма Алеқсандр Блок» (191975-1980); ароманқәа: «Аӡыблара»(1959), «Адгьыл гьыжьуанаҵы» (1962), «Омар Хаиам изку аҳәамҭақәа» (1973), «Афараон Ехнатон», «Афинантәи ауаҩы» (1970), «Сулла» (1967-1970), «Михаил Лермонтов ииреи иԥсреи» (1970-1975), «Викинг» (1978-1979), «Гамилькар иԥа Ганнибал» (1982-1983), «Рембрандт» (1983-1986); ашәҟәқәа «Дырмит Гәлиа. Саб изку аповест» (ЖЗЛ асериа; 1-тәи аҭыжьра -1962, 2-тәи аҭыжьра -1965). Адраматә ҩымҭақәа: «1866» (1948), «Афырхаҵа ихра» (1943), аповест «Асас еиқәаҵәақәа» аинсценировка Аԥсуа театр аҿы иқәыргылан 1956 ш. азы. Акьыԥхь зымбац икомедиақәа «Ақьачақьцәа» (1978-1979), «Иҟаҵәҟьоу шәдыруандаз!» (1965). Уи 1966 ш. [[Москватәи Асоветтә Ар ртеатр]] аҿы иқәиргылеит арежиссиор [[Петров, Андреи|Андреи Петров]]; актк змоу апиесақәа ҩба: '''«Ари адыд-мацәыс ашьхаҿы»''' (1978-1979 ш. ш. ), иара убас '''«Илегендахаз аиаша»''' (70-тәи ашықәсқәа). Гь. Гәлиа иҩымҭақәа егьырҭ абызшәақәа рышҟа ирацәаны еиҭагоуп. Уи ианашьан [[Аџьатә Абираҟ Ҟаԥшь аордени]] «Аҳаҭыртә аорденқәа хԥеи, иара убас Кирилли Мефодии ирызку болгариатәи аорден 1-тәи аҩаӡара. ==Ахархәара змоу литература== *Писатели Москвы: Биобиблиографический справочник / Сост.: Е. П. Ионов, С. П. Колов.— М.: Моск. рабочий, 1987. — С. 125—126. [[Акатегориа:1913 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 14 рзы ииз]] [[Акатегориа:1989 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Жьҭаарамза 18 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны ажурналистцәа]] [[Акатегориа:Асовет шәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:КПСС алахәылацәа]] [[Акатегориа:СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәа]] [[Акатегориа:Қыртҭәылатәи ССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа]] [[Акатегориа:Гәлиаа]]
Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа (, Аҟәа — , Москва) — Аԥсны жәлар рпоет, арккаҩы Д. Е. Гәлиа иԥа еиҳабы. Гь. Гәлиа урыс бызшәала иҩуаз аԥсуа советтә шәҟәыҩҩуп, дпублициступ. Гь. Гәлиа – Қырҭтәылатәи ССР аҟазара зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы (1943); СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1934); СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Иреиҳаӡоу анапхгара алахәыла (1955); СССР Аҳәынҭқарратә премиа алауреат(1949); Д. Е. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1974). Далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол (1929); Қарҭтәи аахыҵкавказтәи амҩаеимадаратә нџьнырратә институт (1935). Аус иуан: Амшынеиқәатәи аихамҩа (Дранда – Агәыӡера аучасток) аргылараҿы. ; агазеҭ «Аԥснытәи акомҿар» аредақтор хада ихаҭыԥуаҩыс (1937 инаркны); Аԥснытәи АССР Асоветтә жәлар ркомитет аҿы аҟазара аусқәа рнапхгаҩыс (1939 ш. инаркны); 1948 ш. рзы Аԥсны Сталини Бериеи рхаан имҩаԥысуаз арепрессиатә политика иахҟьаны Москваҟа диасит нхара. Аус иуан агазеҭ «Литературная газета» аҿы, аредколлегиа далахәын. 1968 ш. ихациркит «Литературная газета» ацҵа «Пушкин иныҳәа» аҭыжьра. Аҵыхәтәантәи аномер ҭыҵит 1989 ш. рзы. Гь. Гәлиа авторс дрымоуп «Дынхон-дыҟан аԥсуа ҷкәын» зыхьӡу ахәыҷра иазку ажәабжьқәа рсериа («Адилижанс», «Абомбакажьра», «Нандуи ашәаӡа згәылоу амгьал гьыжьқәеи», «Аҵлашқәа», «Аиубилеи», «Аҵара – лашароуп», «Еицырдыруа Шимкунас», «До-ре-ми-фа», «Азиатцәа рмагә» уҳәа егьырҭгьы, аамҭак ицаныз ауаа ирызку ажәабжьқәа: «Ԥсыуала аԥҳәысаагара»,»Алоль! Алоль!Алоль», «Соиԥсаратәи агуманоид», «Артист иԥсра», «Идырым аԥсуа иԥсра» уҳәа иҵ. ; аповестқәа: «Ашьаура»(1936), «Сакьан ааԥынра» (1947 ш. – СССР Аҳәынҭқарратә премиа занашьаз), «Ақалақь гәыҭбаа» (1949), «Кама» (1953), «Асас еиқәаҵәақәа» (1950), «Ахьатә ҩны» (1961), «Зегьы ирбеит аӡы шыцәаз» (1978), «Апоет, ма Алеқсандр Блок» (191975-1980); ароманқәа: «Аӡыблара»(1959), «Адгьыл гьыжьуанаҵы» (1962), «Омар Хаиам изку аҳәамҭақәа» (1973), «Афараон Ехнатон», «Афинантәи ауаҩы» (1970), «Сулла» (1967-1970), «Михаил Лермонтов ииреи иԥсреи» (1970-1975), «Викинг» (1978-1979), «Гамилькар иԥа Ганнибал» (1982-1983), «Рембрандт» (1983-1986); ашәҟәқәа «Дырмит Гәлиа. Саб изку аповест» (ЖЗЛ асериа; 1-тәи аҭыжьра -1962, 2-тәи аҭыжьра -1965). Адраматә ҩымҭақәа: «1866» (1948), «Афырхаҵа ихра» (1943), аповест «Асас еиқәаҵәақәа» аинсценировка Аԥсуа театр аҿы иқәыргылан 1956 ш. азы. Акьыԥхь зымбац икомедиақәа «Ақьачақьцәа» (1978-1979), «Иҟаҵәҟьоу шәдыруандаз!» (1965). Уи 1966 ш. Москватәи Асоветтә Ар ртеатр аҿы иқәиргылеит арежиссиор Андреи Петров; актк змоу апиесақәа ҩба: «Ари адыд-мацәыс ашьхаҿы» (1978-1979 ш. ш. ), иара убас «Илегендахаз аиаша» (70-тәи ашықәсқәа). Гь. Гәлиа иҩымҭақәа егьырҭ абызшәақәа рышҟа ирацәаны еиҭагоуп. Уи ианашьан Аџьатә Абираҟ Ҟаԥшь аордени «Аҳаҭыртә аорденқәа хԥеи, иара убас Кирилли Мефодии ирызку болгариатәи аорден 1-тәи аҩаӡара. Ахархәара змоу литература Писатели Москвы: Биобиблиографический справочник / Сост.: Е. П. Ионов, С. П. Колов.— М.: Моск. рабочий, 1987. — С. 125—126. Акатегориа:1913 шықәсазы ииз Акатегориа:Хәажәкырамза 14 рзы ииз Акатегориа:1989 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Жьҭаарамза 18 рзы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Аԥсны ажурналистцәа Акатегориа:Асовет шәҟәыҩҩцәа Акатегориа:КПСС алахәылацәа Акатегориа:СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәа Акатегориа:Қыртҭәылатәи ССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа Акатегориа:Гәлиаа
37687
https://ab.wikipedia.org/wiki/Агрба,_Азиз_Рашьыҭ-иԥа
Агрба, Азиз Рашьыҭ-иԥа
{{Акарточка артист |ахьӡ=Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба }} '''Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба''' ({{date|2|6|1912}}, [[Ҟәланырхәа]] – {{date|6|6|1991}}, [[Аҟәа]]) — еицырдыруа [[Аԥсуаа|аԥсуа]] актиор, арежиссиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1954), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1982), Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ааԥхьарақәа хԥа рдепутат. В. И. Домогаров напхгара ззиуаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа драматә студиа аушьҭымҭа. 1935 ш. рзы аҵара иҵон [[Луначарски ихьӡ зху Москватәи атеатртә институт]] (ГИТИС) арежиссиортә факультет аҿы. Апрофессор В. Сахновски рҵаҩыс диман. 1931 ш. инаркны – Аԥсуа театр актиор. 1939 – 1961 ш. ш. рзы Аԥсуа театр режиссиор хадас дыҟан. А. А. иихәмархьаз иреиӷьу арольқәа иреиуоуп: Сеидыҟ (М. Лакрба «Данаҟаи», Қьалышьбеи (Г. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», Рашьыҭ (С. Ҷанба «Амҳаџьырқәа»), «Баҭаҟәа» (Г. Габуниа «Амра агыламҭазы»), Гәыдым (Д. Гәлиа Анаурқәа»), Алоу (А. Лагәлаа, Гь. Суликашьвили «Абрыскьыл»), Наҳарбеи (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы»), Махаз (Шә. Ԥачалиа «Гәында», Гәыдиса (А. Аргәын «Агәы ашәа»), Ақалақь Хы (Н. Гоголь «Аревизор», Забелин (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа», Муромски (А. Сухово-Кобылин «Аус», Харитонов (Б. Лаврениов «Амшын ихыу рзы», Иаго (Шеқспир «Отелло», Дудукин (А. Островски «Харада ахара зду», Данден (Ж. -Б. Молиер «Жорж Данден, Нико (И. Воинович «Афырҭын»), Езоп («Езоп» Г. ФигеиредоГацы (М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ») уҳәа егь. А. Агрба режиссиор-қәыргылаҩыс дрымоуп аспектакльқәа: М. Лакрба «Данаҟаи», «Ажәытәра иагаз» Ӡ. Дарсалиа, «Асас еиқәаҵәақәа» Гь. Гәлиа, «Амра агыламҭаз» Гь. Габуниа, «Ԥсра зқәым» Шә. Ԥачалиа, «Аца иҭоу аҳәынаԥ» Хә. Џьапуеи А. Хәаҭланӡиеи, «Ҳауа идагәада?» Шь. Ҷкадуа, «Ажәҩан цқьа» Шь. Басариа, «Отелло» У. Шеқспир, «Аҵыхәтәантәиқәа» М. Горки, «Кремлиовтәи акурантқәа» Н. Погодин уҳәа егьурҭгьы. А. Агрба автор дамоуп ақәҿиара ду зауз аҭоурыхтә драма «Леон 1(1981). А. Агрба Аԥсуа театр аҿы ақәыргылазы аԥсшәахь еиҭеигеит хыԥхьаӡара рацәала аклассикатә драматә ҩымҭақәа. Баҩхатәра дула асценатә иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа: Креон ( Ж. Ануи «Антигона», Муромски (А. Сухово-Кобылин «Аус»), Гәыдиса (А. Аргәын «Ахәрашәа») рзы А. Агрба ианашьан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. А. Агрба асценаҿы қәҿиарала иаԥиҵон акомедиатәқәа реиԥш атрагедиатә хаҿсахьақәагьы. Уи  ибаҩхатәрала ирлашон философиатә ҵакыла ибеиаз аԥсихологиатә драмақәа. А. Агрба ирҿиарала еихеиҳауан ареалисттә театр атрадициақәа. Аԥсуа театр акорифеи А. Агрба ибаҟа ықәгылоуп [[Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр|С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр]] аҿаԥхьа (аскульптор В. Џьениа, 2004 ш.). ==Азхьарԥшқәа== * [https://www.imdb.com/name/nm7452772/ Aziz Agrba – IMDb] {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Рашәарамза 2 рзы ииз]] [[Акатегориа:1912 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Рашәарамза 6 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1991 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны актиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны арежиссиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны атеатртә режиссиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны атеатр аусуҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аусзуҩцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи атеатр аусуҩцәа]] [[Акатегориа:Асовет актиорцәа]] [[Акатегориа:Асовет режиссиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Аграа]]
Азиз Рашьыҭ-иԥа Агрба (, Ҟәланырхәа – , Аҟәа) — еицырдыруа аԥсуа актиор, арежиссиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1954), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1982), Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ааԥхьарақәа хԥа рдепутат. В. И. Домогаров напхгара ззиуаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа драматә студиа аушьҭымҭа. 1935 ш. рзы аҵара иҵон Луначарски ихьӡ зху Москватәи атеатртә институт (ГИТИС) арежиссиортә факультет аҿы. Апрофессор В. Сахновски рҵаҩыс диман. 1931 ш. инаркны – Аԥсуа театр актиор. 1939 – 1961 ш. ш. рзы Аԥсуа театр режиссиор хадас дыҟан. А. А. иихәмархьаз иреиӷьу арольқәа иреиуоуп: Сеидыҟ (М. Лакрба «Данаҟаи», Қьалышьбеи (Г. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», Рашьыҭ (С. Ҷанба «Амҳаџьырқәа»), «Баҭаҟәа» (Г. Габуниа «Амра агыламҭазы»), Гәыдым (Д. Гәлиа Анаурқәа»), Алоу (А. Лагәлаа, Гь. Суликашьвили «Абрыскьыл»), Наҳарбеи (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы»), Махаз (Шә. Ԥачалиа «Гәында», Гәыдиса (А. Аргәын «Агәы ашәа»), Ақалақь Хы (Н. Гоголь «Аревизор», Забелин (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа», Муромски (А. Сухово-Кобылин «Аус», Харитонов (Б. Лаврениов «Амшын ихыу рзы», Иаго (Шеқспир «Отелло», Дудукин (А. Островски «Харада ахара зду», Данден (Ж. -Б. Молиер «Жорж Данден, Нико (И. Воинович «Афырҭын»), Езоп («Езоп» Г. ФигеиредоГацы (М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ») уҳәа егь. А. Агрба режиссиор-қәыргылаҩыс дрымоуп аспектакльқәа: М. Лакрба «Данаҟаи», «Ажәытәра иагаз» Ӡ. Дарсалиа, «Асас еиқәаҵәақәа» Гь. Гәлиа, «Амра агыламҭаз» Гь. Габуниа, «Ԥсра зқәым» Шә. Ԥачалиа, «Аца иҭоу аҳәынаԥ» Хә. Џьапуеи А. Хәаҭланӡиеи, «Ҳауа идагәада?» Шь. Ҷкадуа, «Ажәҩан цқьа» Шь. Басариа, «Отелло» У. Шеқспир, «Аҵыхәтәантәиқәа» М. Горки, «Кремлиовтәи акурантқәа» Н. Погодин уҳәа егьурҭгьы. А. Агрба автор дамоуп ақәҿиара ду зауз аҭоурыхтә драма «Леон 1(1981). А. Агрба Аԥсуа театр аҿы ақәыргылазы аԥсшәахь еиҭеигеит хыԥхьаӡара рацәала аклассикатә драматә ҩымҭақәа. Баҩхатәра дула асценатә иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа: Креон ( Ж. Ануи «Антигона», Муромски (А. Сухово-Кобылин «Аус»), Гәыдиса (А. Аргәын «Ахәрашәа») рзы А. Агрба ианашьан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. А. Агрба асценаҿы қәҿиарала иаԥиҵон акомедиатәқәа реиԥш атрагедиатә хаҿсахьақәагьы. Уи  ибаҩхатәрала ирлашон философиатә ҵакыла ибеиаз аԥсихологиатә драмақәа. А. Агрба ирҿиарала еихеиҳауан ареалисттә театр атрадициақәа. Аԥсуа театр акорифеи А. Агрба ибаҟа ықәгылоуп С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа (аскульптор В. Џьениа, 2004 ш.). Азхьарԥшқәа Aziz Agrba – IMDb Акатегориа:Рашәарамза 2 рзы ииз Акатегориа:1912 шықәсазы ииз Акатегориа:Рашәарамза 6 рзы иԥсыз Акатегориа:1991 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны актиорцәа Акатегориа:Аԥсны арежиссиорцәа Акатегориа:Аԥсны атеатртә режиссиорцәа Акатегориа:Аԥсны атеатр аусуҩцәа Акатегориа:Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аусзуҩцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи атеатр аусуҩцәа Акатегориа:Асовет актиорцәа Акатегориа:Асовет режиссиорцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Аграа
37685
https://ab.wikipedia.org/wiki/Касланӡиа,_Леуарса_Шьарадын-иԥа
Касланӡиа, Леуарса Шьарадын-иԥа
{{Акарточка артист |ахьӡ=Леуарса Касланӡиа}} '''Леуарса Шьарадын-иԥа Касланӡиа''' ({{lang-ru|Леварса Шардинович Касландзия}}, {{lang-ka|ლეუარსან შარდინის ძე კასლანძია}}; {{date|||1912}}, [[Кәтол]] ақ. – {{date|||1996}}, [[Аҟәа]]) – [[ХХ-тәи ашәышықәса]]зы инарылукааша, еицырдыруа [[Аԥсуаа|аԥсуа]] [[актиор]], Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1954). В. И. Домогаров напхгара зиҭоз [[Раԥхьаӡатәи Аԥсуа театртә студиа]] даушьҭымҭоуп (1929-1933). 1930 ш. инаркны – Аҟәатәи аԥсуа профессионалтә драматә театр актиор. Л. Касланӡиа абаҩхатәра ду злаз акторын. Уи ҟазара ҳаракыла дыхәмаруан афырхаҵаратә, атрагедиатә, иара убас акомедиатә спектакльқәа рҿы. Аԥсуа сценатә ҭоурых наӡаӡа иазынхоит Л. Касланӡиа иаԥиҵаз ԥсра зқәым, аԥсуа профессионалтә сценаҿы ихьӡырҳәаганы иҟалаз ахаҿсахьақәа: Мац (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Ҭемыр (Гь. Гәлиа, Н. Миқаа «1866 шықәса», 1939); Морозов (Н. Миқаа, Гь. Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1939); Акомиссар, Акаԥдан (А. Корнеичук «Аескадра аҭахара», 1936), Аристократ (А. Саркисиан «Икаҷҷа-каԥхо агыгшәыгқәа», 1939); Мазлоу (Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», 1936); Отелло (У.Шеқспир «Отелло», 1941; Даур (Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», 1943); Бардӷәа Бурдӷьиа (Н.Миқаа, 1946); Боровски (Б.Лаврениов «Амшын ихыу рзы», 1947); Ардашьыл (А.Лашәриа «Гәыкала абзиабара», 1947); Гьаргь (Н.Миқаа, Гь.Абашиӡе, 1950); Браун (Гь.Мдивани «Зымчхара ӷәӷәоу», 1951); Баирам (Г. Мухтаров «Аҭаацәа рыпату», 1952); Акавалер (К. Голльдони Асасааирҭа аԥшәма ԥҳәыс»,1952); Џьамал (И. Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳәқәа», 1953); Муров (А. Островски, «Харада ахара зду», 1953); Ҭарашь (Гь. Габуниа «Амра агыламҭаз», 1953); Калиберов (А. Макаионок «Агәаҵәа хаҳәқәа», 1954), Коломиицев (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Дундуков(М. Лакрба «Данаҟаи», 1956); Апрофессор Моор (А. Ебралиӡе «Ҳаамҭазтәи атрагедиа», 1960); Акрал (Е. Шварц «Аҳәынҭқар ҟьантаз», 1962); Борис (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Ауардынхьча (Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», 1979) уҳәа убас егьырҭгьы. Л. Касланӡиа иаԥиҵаз ирольқәа иреиӷьӡақәоу ҳәа иԥхьаӡоуп [[Шекспир, Уильиам|Шеқспир]] итрагедиа «Отелло» аҟнытә [[Отелло]] ихаҿсахьеи (1941, 1956) Е. Шварц икомедиа «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аҟнытә Аҳәынҭқар ихаҿсахьеи. Л. Касланӡиа дыруаӡәкуп 70 шықәса инареиҳаны Аԥсуа профессионалтә театр арепертуар аӷьырак зыбӷа иқәыз, урҭ рҿы шамахамзар ароль хадақәа назыгӡоз амилаҭтә театр акорифеицәа. Уи ибиуст [[Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр|С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр]] аҿаԥхьа игылоуп. (Аскульптор В. Џьениа, 2004 ш). [[Акатегориа:1912 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:1996 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны актиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Касланӡиаа]]
Леуарса Шьарадын-иԥа Касланӡиа (, ; , Кәтол ақ. – , Аҟәа) – ХХ-тәи ашәышықәсазы инарылукааша, еицырдыруа аԥсуа актиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1954). В. И. Домогаров напхгара зиҭоз Раԥхьаӡатәи Аԥсуа театртә студиа даушьҭымҭоуп (1929-1933). 1930 ш. инаркны – Аҟәатәи аԥсуа профессионалтә драматә театр актиор. Л. Касланӡиа абаҩхатәра ду злаз акторын. Уи ҟазара ҳаракыла дыхәмаруан афырхаҵаратә, атрагедиатә, иара убас акомедиатә спектакльқәа рҿы. Аԥсуа сценатә ҭоурых наӡаӡа иазынхоит Л. Касланӡиа иаԥиҵаз ԥсра зқәым, аԥсуа профессионалтә сценаҿы ихьӡырҳәаганы иҟалаз ахаҿсахьақәа: Мац (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Ҭемыр (Гь. Гәлиа, Н. Миқаа «1866 шықәса», 1939); Морозов (Н. Миқаа, Гь. Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1939); Акомиссар, Акаԥдан (А. Корнеичук «Аескадра аҭахара», 1936), Аристократ (А. Саркисиан «Икаҷҷа-каԥхо агыгшәыгқәа», 1939); Мазлоу (Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», 1936); Отелло (У.Шеқспир «Отелло», 1941; Даур (Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», 1943); Бардӷәа Бурдӷьиа (Н.Миқаа, 1946); Боровски (Б.Лаврениов «Амшын ихыу рзы», 1947); Ардашьыл (А.Лашәриа «Гәыкала абзиабара», 1947); Гьаргь (Н.Миқаа, Гь.Абашиӡе, 1950); Браун (Гь.Мдивани «Зымчхара ӷәӷәоу», 1951); Баирам (Г. Мухтаров «Аҭаацәа рыпату», 1952); Акавалер (К. Голльдони Асасааирҭа аԥшәма ԥҳәыс»,1952); Џьамал (И. Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳәқәа», 1953); Муров (А. Островски, «Харада ахара зду», 1953); Ҭарашь (Гь. Габуниа «Амра агыламҭаз», 1953); Калиберов (А. Макаионок «Агәаҵәа хаҳәқәа», 1954), Коломиицев (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Дундуков(М. Лакрба «Данаҟаи», 1956); Апрофессор Моор (А. Ебралиӡе «Ҳаамҭазтәи атрагедиа», 1960); Акрал (Е. Шварц «Аҳәынҭқар ҟьантаз», 1962); Борис (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Ауардынхьча (Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», 1979) уҳәа убас егьырҭгьы. Л. Касланӡиа иаԥиҵаз ирольқәа иреиӷьӡақәоу ҳәа иԥхьаӡоуп Шеқспир итрагедиа «Отелло» аҟнытә Отелло ихаҿсахьеи (1941, 1956) Е. Шварц икомедиа «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аҟнытә Аҳәынҭқар ихаҿсахьеи. Л. Касланӡиа дыруаӡәкуп 70 шықәса инареиҳаны Аԥсуа профессионалтә театр арепертуар аӷьырак зыбӷа иқәыз, урҭ рҿы шамахамзар ароль хадақәа назыгӡоз амилаҭтә театр акорифеицәа. Уи ибиуст С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа игылоуп. (Аскульптор В. Џьениа, 2004 ш). Акатегориа:1912 шықәсазы ииз Акатегориа:1996 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны актиорцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Касланӡиаа
37686
https://ab.wikipedia.org/wiki/Агрба,_Разынбеи_Михаил-иԥа
Агрба, Разынбеи Михаил-иԥа
'''Разынбеи Михаил-иԥа Агрба''' ({{date|22|5|1913}}, [[Ҟәланырхәа]] – {{date|10|9|1980}}, [[Аҟәа]]) – аԥсуа актиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1958). В. И. Домогаров напхгара ззиуаз раԥхьаӡатәи [[Аԥсуа драматә студиа]] даушьҭымҭоуп. [[1931]] ш. инаркны - [[Аҟәатәи аԥсуа драматә театр]] аҿы актиор. Қәҿиарала инаигӡон акомедиатәқәа реиԥш адраматә рольқәагьы. Аамҭакала АԥснытәиАҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҿы балетмеистер хадас аус иуан. Актиорк иаҳасабала, Р. Агрба асценаҿы иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа иаарылукаартә иҟоуп: Лакоба (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Хлестаков (Н. Гоголь «Аревизор», 1932); Жадов (А. Островски «Ахашәалахә ҭыԥ», 1932); Наҳарбеи (М. Саркисиан «Наҳарбеи», 1934); Фрондосо (Лопе де Вега «Ауаса аӡыхь»1934); Ҟазылбақь (Мҭы Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», 1935); Данилбеқь (И. Вакели «Шамил», 1935); Ҳабашь (С. Ҷанба «Сеидыҟ», 1936); Сазонов (А. Давурин «Волковаа рҭаацәара», 1936); РОдриго (Шеқспир «Отелло», 1941); Бадри (Н. Миқава «Актриса лыбзиабара», 1946); Асқьер (У. Гаџьибеков «Аршин мал-алалан»,1949); Ушьанг (Н. Миқава, Г. Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1950); Гәыга (А. Токаев «Аԥҳәысҳәаҩцәа» , 1951); Раит (И. Мосашьвили «Иҵаарҟәылоу ахаҳәқәа», 1953); Миловзоров (А. Островски «Харада ахара зду», 1953); Глебов (Г. Габуниа «Амра агыламҭазы», 1953), Мошкин (А. Макаионок «Агәаҵәа иамоу ахаҳәқәа», 1954); Алеқсандр (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Кәанаҭа (Шә. Ԥачалиа «Гәында», 1955); Анри де Симон (Гь. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Мыкыҷ (И. Папасқьыр «Ҭемыр», 1956); Захаров (М. Лакрба «Данаҟаи», 1956); Баграт (А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа «Аца иҭоу аҳәынаԥ», 1957); Ленин (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа»,1957); Влахо (И. Воинович «Афырҭын», 1958); Кәарсантел (А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа «Аҩны аномер 12», 1958); Михаил (В. Ниниӡе «Аџьалтә ҿымҭра», 1959); Мырзаҟан (Шь. Басариа «Ажәҩан цқьа», 1961); Силон (Р. Ебралиӡе «Ҳаамҭазтәи атрагедиа», 1961); Шипучкин (А. Чехов «Аиубилеи», 1962); Алықьса (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Иакимов (Д. Павлова «Аламыс», 1965); Баҭыршах (А. Лагәлаа «Абырскьыл»,1965); Ҭархәына (Џь. Аҳәба «Аҳақ ашәара», 1966); Бобыль (А. Островски «Ас-ҭыԥҳа», 1969); Енгстран (Г. Ибсен «Алаԥшҵашәарақәа», 1969); агубернатор (Б. Шьынқәба «Ахра ашәа», 1971); Вано (Н. Думбаӡе «Бысцәымшәан, сан!, 1974); Акрызҵазкуа Ахаҿы (А. Сухово-Кобылин «Аус», 1975); Бесс (А. Мықәба «Амра атыҩ ианакуа», 1976); Ҳабашь (Б. Шьынқәба «Нас ишышәҭахыу…», 1977); Далаҭбеи (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы», 1977) уҳәа убас иҵегьы. ==Ахархәара змоу алитература== * {{Ашәҟәы|Ашықәс=1976|Ажәла=Аргун|Ахьӡ=Алықса Хута-иԥа|Астатиа ахьӡ=Талант и вдохновение (Актерские портреты)|Ақалақь=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Алашара|Адаҟьа=67|Адаҟьақәа1=}} ==Азхьарԥшқәа== *[http://www. nplg. gov. ge/bios/ka/00004974/ რაზანბეი აგრბა] [[Акатегориа:Лаҵарамза 22 рзы ииз]] [[Акатегориа:1913 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Цәыббрамза 10 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1980 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны актиорцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Аграа]]
Разынбеи Михаил-иԥа Агрба (, Ҟәланырхәа – , Аҟәа) – аԥсуа актиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1958). В. И. Домогаров напхгара ззиуаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа драматә студиа даушьҭымҭоуп. 1931 ш. инаркны - Аҟәатәи аԥсуа драматә театр аҿы актиор. Қәҿиарала инаигӡон акомедиатәқәа реиԥш адраматә рольқәагьы. Аамҭакала АԥснытәиАҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҿы балетмеистер хадас аус иуан. Актиорк иаҳасабала, Р. Агрба асценаҿы иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа иаарылукаартә иҟоуп: Лакоба (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Хлестаков (Н. Гоголь «Аревизор», 1932); Жадов (А. Островски «Ахашәалахә ҭыԥ», 1932); Наҳарбеи (М. Саркисиан «Наҳарбеи», 1934); Фрондосо (Лопе де Вега «Ауаса аӡыхь»1934); Ҟазылбақь (Мҭы Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», 1935); Данилбеқь (И. Вакели «Шамил», 1935); Ҳабашь (С. Ҷанба «Сеидыҟ», 1936); Сазонов (А. Давурин «Волковаа рҭаацәара», 1936); РОдриго (Шеқспир «Отелло», 1941); Бадри (Н. Миқава «Актриса лыбзиабара», 1946); Асқьер (У. Гаџьибеков «Аршин мал-алалан»,1949); Ушьанг (Н. Миқава, Г. Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1950); Гәыга (А. Токаев «Аԥҳәысҳәаҩцәа» , 1951); Раит (И. Мосашьвили «Иҵаарҟәылоу ахаҳәқәа», 1953); Миловзоров (А. Островски «Харада ахара зду», 1953); Глебов (Г. Габуниа «Амра агыламҭазы», 1953), Мошкин (А. Макаионок «Агәаҵәа иамоу ахаҳәқәа», 1954); Алеқсандр (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Кәанаҭа (Шә. Ԥачалиа «Гәында», 1955); Анри де Симон (Гь. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Мыкыҷ (И. Папасқьыр «Ҭемыр», 1956); Захаров (М. Лакрба «Данаҟаи», 1956); Баграт (А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа «Аца иҭоу аҳәынаԥ», 1957); Ленин (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа»,1957); Влахо (И. Воинович «Афырҭын», 1958); Кәарсантел (А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа «Аҩны аномер 12», 1958); Михаил (В. Ниниӡе «Аџьалтә ҿымҭра», 1959); Мырзаҟан (Шь. Басариа «Ажәҩан цқьа», 1961); Силон (Р. Ебралиӡе «Ҳаамҭазтәи атрагедиа», 1961); Шипучкин (А. Чехов «Аиубилеи», 1962); Алықьса (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Иакимов (Д. Павлова «Аламыс», 1965); Баҭыршах (А. Лагәлаа «Абырскьыл»,1965); Ҭархәына (Џь. Аҳәба «Аҳақ ашәара», 1966); Бобыль (А. Островски «Ас-ҭыԥҳа», 1969); Енгстран (Г. Ибсен «Алаԥшҵашәарақәа», 1969); агубернатор (Б. Шьынқәба «Ахра ашәа», 1971); Вано (Н. Думбаӡе «Бысцәымшәан, сан!, 1974); Акрызҵазкуа Ахаҿы (А. Сухово-Кобылин «Аус», 1975); Бесс (А. Мықәба «Амра атыҩ ианакуа», 1976); Ҳабашь (Б. Шьынқәба «Нас ишышәҭахыу…», 1977); Далаҭбеи (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы», 1977) уҳәа убас иҵегьы. Ахархәара змоу алитература Азхьарԥшқәа nplg. gov. ge/bios/ka/00004974/ რაზანბეი აგრბა Акатегориа:Лаҵарамза 22 рзы ииз Акатегориа:1913 шықәсазы ииз Акатегориа:Цәыббрамза 10 рзы иԥсыз Акатегориа:1980 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны актиорцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Аграа
37688
https://ab.wikipedia.org/wiki/Зыхәԥҳа,_Минадора_Иван-иԥҳа
Зыхәԥҳа, Минадора Иван-иԥҳа
'''Минадора Иван-иԥҳа Зыхәԥҳа''' ({{lang-ru|Минадора Ивановна Зухба}}; {{date|20|9|1909}}, [[Гәымрышь]] – {{date|29|11|1997}}, [[Аҟәа]]) – иналукааша [[Аԥсуаа|аԥсуа]] актриса, Аԥсны жәлар рартист (1955), Қәырҭтәыла жәлар рартист (1958). [[1935]] ш. инаркны – Аԥсуа профессионалтә театр актриса. [[1939]] ш. далгеит [[Шь. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи академиатә театр]] аҿы еиҿкааз атеатртә студиа. М. Зыхәԥҳа ԥсабарала илылаз актиортә баҩхатәра иабзоураны, аханатә инаркны қәҿиарала лнапаҿы иаалгеит актиортә ҟазара акәама-ҵамақәа. Уи асценаҿы лцәырҵра – хҭыс дуны иҟалеит [[ХХ-тәи ашәышықәса]]зы аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы. М. Зыхәԥҳа аԥсуа театр еиуеиԥшым аспектакльқәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала иаԥылҵеит зымҽхак ҭбааз, ган рацәала инарҵауланы иаарԥшыз - Аԥсуа ԥҳәыс, Ан лхаҿсахьа. Еиҳаракгьы актриса илықәҿион зыԥсҭазаараҿы амыҟәмаба рацәа зхызгахьоу, аԥышәара дуқәа рхысра зқәашьхаз анацәа рхаҿсахьақәа раарԥшра. Иара убас актриса қәҿиарала иналыгӡон акомедиатә хаҿсахьақәагьы. Актриса асценаҿы иаԥылҵаз рахьтә ирацәоуп асоветтә аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы ицәырҵраны иҟалақәаз: Анна (А. Давурин Волковаа рҭаацәара», 1936); Цира (Н. Миқаа, Гь.Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1939); Гәында (Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», 1943); Минаҭ (М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ», 1945); Ҳанума (А. Цагарели «Ҳанума», 1945); Зиза (Шә. Ԥачалиа «Ачара ду», 1947), Камаҷыҷ (А. Лашәриа «Гәыкала абзиабара», 1947); Ҟарамсада ( Шә. Ԥачалиа «Салуман», 1949); Ан (Шь. Габисқьириа «Хҩык аиҩызцәа», 1950); Кама (Гь. Мдивани «Зымчхара ӷәӷәоу», 1951); Гортензиа (К.Гольдони «Асасааирҭа аԥшәма ԥҳәыс», 1952); Ан (И.Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳқәа», 1953); Галчиха (А.Островски «Харада ахара зду», 1953); Шьоуҳар (Гь.Габуниа «Амра агыламҭазы», 1953); Софиа (М.Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Есма (Гь.Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Зеинаб (А. Сумбатов-Иужин «Аԥсахра», 1956); Цақәа А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа "Аца иҭоу аҳәынаԥ", 1957); Анду (Шь. Ҷкадуа "Ҳауа идагәада?", 1958); Медеиа (Еврипид "Медеиа", 1959); Ан (Г. Лорка "Ишьаарҵәырахаз ачара», 1964); Мадина (А. Лагәлаа «Абрыскьыл», 1966); Елена (Д. Павлова «Аламыс», 1966); Гәыдихан (Д.Аҳәба «Аҳақ ашәара», 1966); Ҳадиџьан (Р.Гамзатов «Ашьха ҭыԥҳа», 1968); Викторина (Ж.Робер «Мари-Октиабр», 1969); Ҳәшьаду (А.Сухово-Кобылин «Аус», 1975); Минуца (А.Аргәын «Ахәрашәа», 1975); Сирануш (В.Петросиан «Ухьанҭоуп, уара, Гиппократ ихылԥа», 1978); Ҳалида (А.Мықәба «Ашәқәа зегь анаарту», 1979); Кесариа (О. Иоселиани «Ауардын хышәҭаанӡа», 1980); Аԥҳәыс бырг (Ф. Диурренмат «Аԥҳәыс бырг лаара», 1982); Адица (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы», 1982); Насиа (Б. Шьынқәба «Ацынҵәарах», 1986); Аԥҳәысеиба (Шь. Аџьынџьал «Март ԥшьба», 1987) уҳәа егьырҭгьы. Хыԥхьаӡарала рацәала актриса иаԥылҵаз ахаҿсахьақәа акрызҵазкуа ҟазаратә хҭысқәаны аԥсуа профессионалтә театр аҭоурых аҿы наӡаӡа иаанхоит. ==Азхьарԥшқәа== * [https://www.kino-teatr.ru/kino/acter/sov/242957/bio/ МИНАДОРА ЗУХБА]. Кино-театр. [цит. 2024-03-10]. {{ru icon}} * [https://sputnik-abkhazia.ru/20190930/Minadora-Zukhba-tragedii-na-stsene-i-v-zhizni-1028510811.html Минадора Зухба: трагедии на сцене и в жизни]. Спутник Аԥсны. {{date|30|9|2019}}. {{ru icon}} * Барганџьиа, Саид. [https://www.abaza.org/abk/minadora-zykhupkha-astsenakh-ltsyrtsra-pstazaarak-iayusuan Минадора Зухба: каждый выход на сцену – как целая жизнь]. [[Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс]]. {{date|30|9|2019}}. {{ru icon}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:1909 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Цәыббрамза 20 рзы ииз]] [[Акатегориа:1997 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 29 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥсны актиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Зыхәаа]]
Минадора Иван-иԥҳа Зыхәԥҳа (; , Гәымрышь – , Аҟәа) – иналукааша аԥсуа актриса, Аԥсны жәлар рартист (1955), Қәырҭтәыла жәлар рартист (1958). 1935 ш. инаркны – Аԥсуа профессионалтә театр актриса. 1939 ш. далгеит Шь. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи академиатә театр аҿы еиҿкааз атеатртә студиа. М. Зыхәԥҳа ԥсабарала илылаз актиортә баҩхатәра иабзоураны, аханатә инаркны қәҿиарала лнапаҿы иаалгеит актиортә ҟазара акәама-ҵамақәа. Уи асценаҿы лцәырҵра – хҭыс дуны иҟалеит ХХ-тәи ашәышықәсазы аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы. М. Зыхәԥҳа аԥсуа театр еиуеиԥшым аспектакльқәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала иаԥылҵеит зымҽхак ҭбааз, ган рацәала инарҵауланы иаарԥшыз - Аԥсуа ԥҳәыс, Ан лхаҿсахьа. Еиҳаракгьы актриса илықәҿион зыԥсҭазаараҿы амыҟәмаба рацәа зхызгахьоу, аԥышәара дуқәа рхысра зқәашьхаз анацәа рхаҿсахьақәа раарԥшра. Иара убас актриса қәҿиарала иналыгӡон акомедиатә хаҿсахьақәагьы. Актриса асценаҿы иаԥылҵаз рахьтә ирацәоуп асоветтә аԥсуа театртә ԥсҭазаараҿы ицәырҵраны иҟалақәаз: Анна (А. Давурин Волковаа рҭаацәара», 1936); Цира (Н. Миқаа, Гь.Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1939); Гәында (Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», 1943); Минаҭ (М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ», 1945); Ҳанума (А. Цагарели «Ҳанума», 1945); Зиза (Шә. Ԥачалиа «Ачара ду», 1947), Камаҷыҷ (А. Лашәриа «Гәыкала абзиабара», 1947); Ҟарамсада ( Шә. Ԥачалиа «Салуман», 1949); Ан (Шь. Габисқьириа «Хҩык аиҩызцәа», 1950); Кама (Гь. Мдивани «Зымчхара ӷәӷәоу», 1951); Гортензиа (К.Гольдони «Асасааирҭа аԥшәма ԥҳәыс», 1952); Ан (И.Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳқәа», 1953); Галчиха (А.Островски «Харада ахара зду», 1953); Шьоуҳар (Гь.Габуниа «Амра агыламҭазы», 1953); Софиа (М.Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Есма (Гь.Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Зеинаб (А. Сумбатов-Иужин «Аԥсахра», 1956); Цақәа А. Хәаҭланӡиа, Хә. Џьапуа "Аца иҭоу аҳәынаԥ", 1957); Анду (Шь. Ҷкадуа "Ҳауа идагәада?", 1958); Медеиа (Еврипид "Медеиа", 1959); Ан (Г. Лорка "Ишьаарҵәырахаз ачара», 1964); Мадина (А. Лагәлаа «Абрыскьыл», 1966); Елена (Д. Павлова «Аламыс», 1966); Гәыдихан (Д.Аҳәба «Аҳақ ашәара», 1966); Ҳадиџьан (Р.Гамзатов «Ашьха ҭыԥҳа», 1968); Викторина (Ж.Робер «Мари-Октиабр», 1969); Ҳәшьаду (А.Сухово-Кобылин «Аус», 1975); Минуца (А.Аргәын «Ахәрашәа», 1975); Сирануш (В.Петросиан «Ухьанҭоуп, уара, Гиппократ ихылԥа», 1978); Ҳалида (А.Мықәба «Ашәқәа зегь анаарту», 1979); Кесариа (О. Иоселиани «Ауардын хышәҭаанӡа», 1980); Аԥҳәыс бырг (Ф. Диурренмат «Аԥҳәыс бырг лаара», 1982); Адица (Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы», 1982); Насиа (Б. Шьынқәба «Ацынҵәарах», 1986); Аԥҳәысеиба (Шь. Аџьынџьал «Март ԥшьба», 1987) уҳәа егьырҭгьы. Хыԥхьаӡарала рацәала актриса иаԥылҵаз ахаҿсахьақәа акрызҵазкуа ҟазаратә хҭысқәаны аԥсуа профессионалтә театр аҭоурых аҿы наӡаӡа иаанхоит. Азхьарԥшқәа МИНАДОРА ЗУХБА. Кино-театр. [цит. 2024-03-10]. Минадора Зухба: трагедии на сцене и в жизни. Спутник Аԥсны. . Барганџьиа, Саид. Минадора Зухба: каждый выход на сцену – как целая жизнь. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. . Акатегориа:1909 шықәсазы ииз Акатегориа:Цәыббрамза 20 рзы ииз Акатегориа:1997 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Абҵарамза 29 рзы иԥсыз Акатегориа:Аԥсны актиорцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Зыхәаа
37690
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аргәын-Коношок,_Анна_Бида-иԥҳа
Аргәын-Коношок, Анна Бида-иԥҳа
'''Анна Бида-иԥҳа Аргәын-Коношок''' ({{lang-ru|Анна Бидовна Аргун-Коношок}}; {{date|21|3|1914|8}}, [[Ҟәланырхәа]] — {{date||11|1980}}, [[Аҟәа]]) — Аԥсны актреса, Қырҭтәылеи жәлар рартист ([[1958]]). В. И. Домогаров напхгаҩыс дызмаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа театртә студиа даушьҭымҭоуп. Уи лбаҩхатәра амҽхак даара иҭбаан. Ҟазара ҳаракыла иналыгӡон акомедиатә, адраматә, атрагедиатә, иара убас абзиабара-лирикатә жанрқәа ирыҵаркуаз еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа. Аԥсуа сценаҿы А. Аргәын-Коношок қәҿиара дула иаԥылҵаз арольқәа иреиуоуп: Аҭыԥҳа (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Вишневскаиа (А. Островски «Ахашәалахә ҭыԥ», 1932); Назиа (М. Саркисиан «Шәаҳаракыра, агыгшәыгқәа», 1934); Ҳаҭџьа(М. Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», 1935); Аихацәҩы иԥҳәыс (Н. Гоголь «Аревизор», 1931); Ҳалила (С. Шьаншиашьвили «Анзор», 1935); Хьыкәыҷ (С. Ҷанба «Сеидыҟ», 1936); Елена (А. Давурин «Волковаа рҭаацәара», 1936); Дездемона(У. Шеқспир «Отелло», 1941, 1957); Коринкина (А. Островски «Харада ахара зду», 1944, 1953); Мзиа (Н. Миқаа «Актриса лыбзиабара», 1946); Шабунина (Б. Лаврениов «Амшын ихыу рзы», 1947); Мильфорд ( Ф. Шиллер «Агьангьашреи абзиабареи», 1947); Гиульчохра (У. Гаџьибеков «Аршин мал алан», 1949); Манана (Н. Миқааи Г. Абашиӡеи «Адунеи аԥшшәқәа», 1950); Мадинаҭ (А. Токаев «Аԥҳәысҳәаҩцәа», 1951); Зина (Г. Мухҭаров «Аҭаацәа раҳаҭыр», 1952); Мирандолина (К. Гольдони «Асасааирҭа аԥшәмаԥҳәыс», 1952); Гаиане (И. Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳәқәа», 1953);Даурхан (Г. Габуниа «Амра гылаанӡа», 1953); Наташа (А. Макаионок «Агәаҵәа иамоу ахаҳәқәа», 1954); Надежда (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Гәында (Шә. Ԥачалиа «Гәында», 1955, Оқсана (А. Корнеичук «Аескадра аҭахара», 1955); Саида (Г. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Шьазина (И. Папасқьыр «Ҭемыр», 1956); Рукаиа (А. Сумбатов-Иужин «Аԥсахра», 1956); Кама (А. Лашәриа «Ахаԥыц хьаа», 1956); Назиа (Хә. Џьапуа, А. Хәаҭланӡиа «Аца иҭоу аҳәынаԥ», 1957); Маша (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа», 1957); Коррадо иԥҳәыс (П. Џьакоматти «Ацәгьауцәа рҭаацәара», 1958); Фаҭма(А. Лагәлаа «Ашамҭазы», 1960); Жукова (Шә. Ԥачалиа «Ԥсра зқәым», 1960); Гәлиза (Шь. Басариа «Ажәҩан цқьа», 1961); Мальчук (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Аиҭар (А. Лагәлаа «Абрыскьыл», 1966); Малахова (Д. Павлова «Аламыс», 1966); Клеиа (Г. Фигьеиредо «Езоп», 1966); Ааԥын-ԥшӡа (А. Островски «Асҭыԥҳа», 1969); Мариам ( А. Гогәуа «Иԥсаху амш», 1969); Аҳкәажә (Б. Шьынқәба «Ахрашәа», 1971); Оливарес (Ф. Шиллер «Дон Карлос», 1971); Сашико (Н. Думбаӡе «Бысцәымшәан, сан!», 1972); Аԥҭека иҵагылоу (И. Буковчан «Арбаӷь ҿнаҭаанӡа», 1974), Пипка (Шә. Ԥачалиа «Зегьы злоу Мазлоу», 1975) уҳәа убас егьырҭгьы. А. А. лбаҩхатәреи, лыԥшӡареи, леинаалашьеи ирыбзоураны аԥсуа сцена зырлашо аҳкәажә ҳәа илышьҭан. Уи ауаажәларратә усзурақәагьы дрылахәын. Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет 4-тәи ааԥхьара аҿы депутатс дыҟан. ==Ахархәара змоу алитература== * {{Ашәҟәы|Ажәла=Аргун|Ахьӡ=Алексей|Автор изхьарԥш=Аргәын, Алықьса Хәыта-иԥа|Астатиа ахьӡ=История абхазского театра|Аоригинал=Аԥсуа театр аҭоурых|Аҭыжьра=Алашара|Ақалақь=Аҟәа|Ашықәс=1978|Адаҟьақәа=455}} [http://apsnyteka.org/802-argun_a_istoria_abkhazskogo_teatra.html] ==Азхьарԥшқәа== * [https://www.kino-teatr.ru/teatr/acter/w/sov/271723/bio/ АННА АРГУН-КАНАШОК] – kino-teatr.ru * [http://nec.m-necropol.ru/argun-konoshok.html Аргун-Коношок Анна Бидовна (1914-1980)] – http://nec.m-necropol.ru/ [[Акатегориа:1914 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 21 рзы ииз]] [[Акатегориа:1980 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Асовет актиорцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны актиорцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа]] [[Акатегориа:Аргәынаа]]
Анна Бида-иԥҳа Аргәын-Коношок (; , Ҟәланырхәа — , Аҟәа) — Аԥсны актреса, Қырҭтәылеи жәлар рартист (1958). В. И. Домогаров напхгаҩыс дызмаз раԥхьаӡатәи Аԥсуа театртә студиа даушьҭымҭоуп. Уи лбаҩхатәра амҽхак даара иҭбаан. Ҟазара ҳаракыла иналыгӡон акомедиатә, адраматә, атрагедиатә, иара убас абзиабара-лирикатә жанрқәа ирыҵаркуаз еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа. Аԥсуа сценаҿы А. Аргәын-Коношок қәҿиара дула иаԥылҵаз арольқәа иреиуоуп: Аҭыԥҳа (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Вишневскаиа (А. Островски «Ахашәалахә ҭыԥ», 1932); Назиа (М. Саркисиан «Шәаҳаракыра, агыгшәыгқәа», 1934); Ҳаҭџьа(М. Ақаҩба «Инаԥҳа Кьагәа», 1935); Аихацәҩы иԥҳәыс (Н. Гоголь «Аревизор», 1931); Ҳалила (С. Шьаншиашьвили «Анзор», 1935); Хьыкәыҷ (С. Ҷанба «Сеидыҟ», 1936); Елена (А. Давурин «Волковаа рҭаацәара», 1936); Дездемона(У. Шеқспир «Отелло», 1941, 1957); Коринкина (А. Островски «Харада ахара зду», 1944, 1953); Мзиа (Н. Миқаа «Актриса лыбзиабара», 1946); Шабунина (Б. Лаврениов «Амшын ихыу рзы», 1947); Мильфорд ( Ф. Шиллер «Агьангьашреи абзиабареи», 1947); Гиульчохра (У. Гаџьибеков «Аршин мал алан», 1949); Манана (Н. Миқааи Г. Абашиӡеи «Адунеи аԥшшәқәа», 1950); Мадинаҭ (А. Токаев «Аԥҳәысҳәаҩцәа», 1951); Зина (Г. Мухҭаров «Аҭаацәа раҳаҭыр», 1952); Мирандолина (К. Гольдони «Асасааирҭа аԥшәмаԥҳәыс», 1952); Гаиане (И. Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳәқәа», 1953);Даурхан (Г. Габуниа «Амра гылаанӡа», 1953); Наташа (А. Макаионок «Агәаҵәа иамоу ахаҳәқәа», 1954); Надежда (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Гәында (Шә. Ԥачалиа «Гәында», 1955, Оқсана (А. Корнеичук «Аескадра аҭахара», 1955); Саида (Г. Гәлиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956); Шьазина (И. Папасқьыр «Ҭемыр», 1956); Рукаиа (А. Сумбатов-Иужин «Аԥсахра», 1956); Кама (А. Лашәриа «Ахаԥыц хьаа», 1956); Назиа (Хә. Џьапуа, А. Хәаҭланӡиа «Аца иҭоу аҳәынаԥ», 1957); Маша (Н. Погодин «Кремльтәи акурантқәа», 1957); Коррадо иԥҳәыс (П. Џьакоматти «Ацәгьауцәа рҭаацәара», 1958); Фаҭма(А. Лагәлаа «Ашамҭазы», 1960); Жукова (Шә. Ԥачалиа «Ԥсра зқәым», 1960); Гәлиза (Шь. Басариа «Ажәҩан цқьа», 1961); Мальчук (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Аиҭар (А. Лагәлаа «Абрыскьыл», 1966); Малахова (Д. Павлова «Аламыс», 1966); Клеиа (Г. Фигьеиредо «Езоп», 1966); Ааԥын-ԥшӡа (А. Островски «Асҭыԥҳа», 1969); Мариам ( А. Гогәуа «Иԥсаху амш», 1969); Аҳкәажә (Б. Шьынқәба «Ахрашәа», 1971); Оливарес (Ф. Шиллер «Дон Карлос», 1971); Сашико (Н. Думбаӡе «Бысцәымшәан, сан!», 1972); Аԥҭека иҵагылоу (И. Буковчан «Арбаӷь ҿнаҭаанӡа», 1974), Пипка (Шә. Ԥачалиа «Зегьы злоу Мазлоу», 1975) уҳәа убас егьырҭгьы. А. А. лбаҩхатәреи, лыԥшӡареи, леинаалашьеи ирыбзоураны аԥсуа сцена зырлашо аҳкәажә ҳәа илышьҭан. Уи ауаажәларратә усзурақәагьы дрылахәын. Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет 4-тәи ааԥхьара аҿы депутатс дыҟан. Ахархәара змоу алитература Азхьарԥшқәа АННА АРГУН-КАНАШОК – kino-teatr.ru Аргун-Коношок Анна Бидовна (1914-1980) – http://nec.m-necropol.ru/ Акатегориа:1914 шықәсазы ииз Акатегориа:Хәажәкырамза 21 рзы ииз Акатегориа:1980 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Асовет актиорцәа Акатегориа:Аԥсны актиорцәа Акатегориа:Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартистцәа Акатегориа:Аргәынаа
37683
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсны_Абжь-ныха
Аԥсны Абжь-ныха
[[Афаил:Lashkendar temple ruins.JPG|мини|150px|Лашькьындартәи аныха ахыжәжәара]] [[Афаил:Inal-Kuba.jpg|мини|150px|Инал-куба ашьха]] '''Аԥсны иҟоу''', ''Абжьныхак мамзаргьы'', аԥсуаа рыбжь-ныха — иԥшьоу аҭыԥқәа ҳәа иԥхьаӡоуп аԥсуа традициатә нцәахаҵарала. Аԥсны арҭ ''Абжьныхак'' ирымҵаныҳәоит аԥсуаа реиҳарак, ақьырсианцәа реиԥш аԥсылманцәагьы. Ныхацыԥхьаӡа дасу ажәла аныхаԥааҩ дамоуп. Иаҳҳәап, Дыдрыԥшь-ныха аныхаԥааҩ ааигәа иҟоу Аҷандара ақыҭа иатәу анхаҩы жәла Чычаа рыжәла иалҵыз а-Чичба иоуп. Лых-ныха — аамсҭа жәла Шьаҟрылаа дырхылҵшьҭроуп, Шьаҟрылуп. Аԥсуаа зегьы ҭоурыхла ирзеиԥшны иҟоу, зегьы зымҵаныҳәо абарҭ абжь-ныха рыдагьы, шамахамзар, аԥсуа жәлақәа зегьы ирымоуп ажьыра, ажәла зымҵаныҳәо аҭыԥ. Аԥсуаа рыҟны аныхаҟны инеины амц зҳәаз, хымԥада, дахьырхәхоит рҳәоит. Аԥсуаа реиҳарак Дыдрыԥшь-ныха зегьы иреиҳауп, зегь раасҭа амч амоуп ҳәа ирыԥхьӡоит. Лашькьындар ашьхаҟны аныҳәарақәа еиҭахацыркын 1990 шықәса абжьаразы. Аныҳәарақәа ирылахәуп иара убас аҳәынҭқарра анапхгаҩцәагьы. [[1992]] шықәсазы ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан Дыдрыԥшь-ныха дамҵагыланы Анцәа диҳәеит Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Аԥсны дахылаԥшырц,иҟаз ашәарҭа иацәихьчарц азы. 2012 шықәса нанҳәамза 3 рзы Аҟәа ҿыц еиҭаԥҵан Аԥсны аныхаԥааҩцәа рхеилак. {| class="wikitable" |'''Аныха''' |'''Аҭыԥ''' |'''Араион''' |'''Аныхааԥаҩ''' '''(2012 шықәсазы)''' |- |'''Дыдрыԥшь-ныха''' |Дыдрыпш-ныха ашьха Аҷандара ақыҭан |[[Гәдоуҭа араион]] |Заур Чычба |- |'''Лых-ныха''' |поляна Лыхнашта, центр села Лыхны |[[Гәдоуҭа араион]] |Сергеи Шьаҟрыл |- |'''Лӡаа-ныха''' |Лӡаа ақыҭа азааигәара Пицунда |[[Гагра араион]] | |- |'''Инал-куба''' |Инал-ҟәуба ашьха Ԥсҳәы |[[Аҟәа араион]] | |- |'''Адагәа-ныха''' |Адагәа ашьха Ҵабал ақыҭан |[[Гәылрыԥшь араион]] | |- |'''Лашькьындар''' |Лашькьындар ашьха Тҟәарчал |[[Тҟәарчал араион]] | |- |'''Елыр-ныха''' |Елыр ақыҭан |[[Очамчыра араион]] |Галтер Шынқәба |} [[Акатегориа:Аԥсны адин]]
мини|150px|Инал-куба ашьха Аԥсны иҟоу, Абжьныхак мамзаргьы, аԥсуаа рыбжь-ныха — иԥшьоу аҭыԥқәа ҳәа иԥхьаӡоуп аԥсуа традициатә нцәахаҵарала. Аԥсны арҭ Абжьныхак ирымҵаныҳәоит аԥсуаа реиҳарак, ақьырсианцәа реиԥш аԥсылманцәагьы. Ныхацыԥхьаӡа дасу ажәла аныхаԥааҩ дамоуп. Иаҳҳәап, Дыдрыԥшь-ныха аныхаԥааҩ ааигәа иҟоу Аҷандара ақыҭа иатәу анхаҩы жәла Чычаа рыжәла иалҵыз а-Чичба иоуп. Лых-ныха — аамсҭа жәла Шьаҟрылаа дырхылҵшьҭроуп, Шьаҟрылуп. Аԥсуаа зегьы ҭоурыхла ирзеиԥшны иҟоу, зегьы зымҵаныҳәо абарҭ абжь-ныха рыдагьы, шамахамзар, аԥсуа жәлақәа зегьы ирымоуп ажьыра, ажәла зымҵаныҳәо аҭыԥ. Аԥсуаа рыҟны аныхаҟны инеины амц зҳәаз, хымԥада, дахьырхәхоит рҳәоит. Аԥсуаа реиҳарак Дыдрыԥшь-ныха зегьы иреиҳауп, зегь раасҭа амч амоуп ҳәа ирыԥхьӡоит. Лашькьындар ашьхаҟны аныҳәарақәа еиҭахацыркын 1990 шықәса абжьаразы. Аныҳәарақәа ирылахәуп иара убас аҳәынҭқарра анапхгаҩцәагьы. 1992 шықәсазы ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан Дыдрыԥшь-ныха дамҵагыланы Анцәа диҳәеит Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Аԥсны дахылаԥшырц,иҟаз ашәарҭа иацәихьчарц азы. 2012 шықәса нанҳәамза 3 рзы Аҟәа ҿыц еиҭаԥҵан Аԥсны аныхаԥааҩцәа рхеилак. АныхаАҭыԥАраионАныхааԥаҩ (2012 шықәсазы)Дыдрыԥшь-ныхаДыдрыпш-ныха ашьха Аҷандара ақыҭанГәдоуҭа араионЗаур ЧычбаЛых-ныхаполяна Лыхнашта, центр села ЛыхныГәдоуҭа араионСергеи ШьаҟрылЛӡаа-ныхаЛӡаа ақыҭа азааигәара ПицундаГагра араионИнал-кубаИнал-ҟәуба ашьха ԤсҳәыАҟәа араионАдагәа-ныхаАдагәа ашьха Ҵабал ақыҭанГәылрыԥшь араионЛашькьындарЛашькьындар ашьха ТҟәарчалТҟәарчал араионЕлыр-ныхаЕлыр ақыҭанОчамчыра араионГалтер Шынқәба Акатегориа:Аԥсны адин
37689
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аргәын,_Алықьса_Хәыта-иԥа
Аргәын, Алықьса Хәыта-иԥа
{{Акарточка аполитик |ахьӡ=Алықьса Аргәын }} '''Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын''' ({{lang-ru|Алексей Хутович Аргун}}; {{date|1|4|1937}}, [[Тҟәарчал]] – {{date|1|8|2008}}, [[Аҟәа]]) — [[аԥсуаа|аԥсуа]] аҟазараҭҵаара адоқтор(1983), ашәҟәыҩҩы, адраматург, атеатр аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы, апрофессор (1991), Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы(1982), РНАН академик(2001), [[Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа]] алауреат (2007), Ахьӡ-аԥша аорден 2-тәи аҩаӡара акавалер. Тҟәарчалтәи 2-тәи абжьаратәи ашкол даушьҭымҭоуп (1956). Далгеит Н. К. Крупскаиа лыхьӡ зху Асовет Еидгылатәи Арҿиаратә Ҩны аҿы арежиссиортә ҟәша, [[А. В. Луначарски ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә театртә институт]] ([[Москва]], 1965), анаҩс иара уи аинститут аҿы аспирантура (1969). Аус иуан Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭатә шахтаҿы, қыҭатә рҵаҩыс, Очамчыратәи араион Арҿиаратә Ҩны аҿы – сахьаркыратә напхгаҩыс, диреқторс (1958 ш. инаркны), [[Очамчыра араион|Очамчыра араион]]тә газеҭ «Акоммунизм ахь» аҿы аларҵәаратә ҟәша еиҳабыс (1956-1960). А. Аргәын – Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы директорс аус иуан (1970-1973); 1971 ш. инаркны [[Аҟәатәи арҵаҩратә институт]] аҿы аестетика амаҭәар ала алеқциақәа ркурс даԥхьон; А. Аргәын [[С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр|С. Ҷанба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә драматә театр]] диреқторс дыҟан (1973-1975); Аԥсны акультура министрс аус иуан (1975-1986); Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟазараҭҵааратә ҟәша деиҳабын (1986-2008), ААУ аҿы афилософиеи акультурологиеи ркафедра апрофессор. Акандидатә диссертациа ихьчеит (1970), анаҩс адоқтортә диссертациа (1983). А. Аргәын [[Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак]] ааԥхьарақәа хԥа рҿы депутатс далхын (1975-1990); аҭынчра ахьчаразы Зегьеидгылатәи акомитет Аԥснытәи аҟәша хантәаҩыс даман, апрофессионалтә еидгылақәа Зегьеидгылатәи рцентртә Совет аганахьала апремиақәа ранашьара иазкыз акомиссиа далахәылан, [[Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа]]қәа ранашьаразы иалхыз акомиссиа далахәылан. СССР-и Аԥсни ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи далахәылан, Аԥсны акомпозиторцәа Реидгыла далахәылан. А. Аргәын раԥхьатәи истатиақәа цәырҵит агазеҭ «Акоммунизм ахь» аҿы. 1965 ш. инаркны ажурнал «Алашара» аҿы иркьыԥхьуа иалагеит А. А. иновеллақәеи, егьырҭ ирҿиамҭақәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акомедиақәа, апиесақәа, атрагедиақәа: «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит» (1980), «Понтиитәи аҳ Митридат V1» (1989), «Иисуси Пилати»(1991), «Ақаҷаатә аамҭа» (2004), «Зымҵәыжәҩа ԥҵәоу ажәҵыс» (2007); Инапы иҵыҵит ашәҟәқәа: «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа» (1980); «Ҿамҩак аӡы. Апиесақәа». (1984); «Атамагәаӷь. Ановеллақәа» (1987); «Редада. Ановеллақәеи апиесақәеи» 1991); Аурыс бызшәахь еиҭаганы иҭыҵыз ишәҟәқәа: «Агәы иазку ашәа. Адрама». (М. ,1979); «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа». (М. , 1986); «Аҩны былуан, ашәа рҳәон. Ановеллақәа» (М. , 1990); «Редед – адыгқәа раҳ. (Аҭоурыхтә новелла)» (Аҟәа, 1994). А. Аргәын ипиесақәа ықәдыргылахьан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ԥыхьатәи СССР ареспубликақәа рмилаҭтә театрқәа рҿы (Украина, Армениа, Қырҭтәыла уҳәа егь. ), иара убас Словакиеи Польшеи. А. Аргәын иеиҭагамҭаны Аԥсуа театр аҿы иқәдыргылахьан аспектакльқәа: «Аҳ Пунтилеи уи имаҵуҩы Маттии» Б. Брехт, «Атрамваи «Агәаҳәара» Т. Уилиамс, «Аус» А. Сухово-Кобылин уҳәа егьырҭгьы. А. Аргәын авторс дрымоуп аԥсуа театри, актиорцәеи, арежиссиорцәеи, амилаҭтә культура аусзуҩцәеи ирызку, иара убас аестетикеи аҟазареи ирыдҳәалоу апроблемақәа аазырԥшуа хыԥхьаӡара рацәала аусумҭақәа. Аԥсышәала иҭыжьу ишәҟәқәа: «Ицәажәо аблақәа» (1970), «Аестетика адунеи аҿы» (1995); урыс бызшәала: «Аԥсуа театр аҭоурых» (1978), « Аҳаҭыртә Дырга занашьоу С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр» (1981), «Аԥсуа театри афольклори» (1986), «Шәарах Ԥачалиа – СССР жәлар рартист» (1989), «Шәарах Ԥачалиа аҳ Лир ироль аҿы» ( 1995), «Софа Агәмаа» (1995), «Константин Ковачи аԥсуа ашәеи» (1995), «Едуард Бебиеи ансамбль «Шьараҭыни» (1996), «Уасил Царгәыши Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбли» (1997), «Шьалуа Гыцба. Актиор ирҿиаратә мҩа иазкны»(1997), «Ашәа аҳәоит аԥсуа быргцәа рансамбль «Нарҭаа» (1999), «Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа» (1999), «Дирижиорс дыҟоуп Вадим Судаков» (2000), «Аԥсуа сцена апоетесса. Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистка Анна Аргәын-Коношок лырҿиара иазкны» (2005). А. Аргәын авторс дрымоуп Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аоккупациа зызуз аҳҭны қалақь Аҟәа далаханы даныҟаз, 1. 03. 1993 азы Мрагыларатәи афронт аҿы Лабра ахақәиҭтәраан фырхаҵарала иҭахаз иҷкәын Баҭали иареи реиҿцәажәара ҳасабла иҩу амемуарқәа-агәҭахәыцрақәа. Автор амемуарқәа аниҩуаз издыруамызт иҷкәын дышҭахахьаз. (Аԥсны: Џьанаҭ иҟоу џьаҳаным»; Аҟәа, 1994). ==Азхьарԥшқәа== * [https://web.archive.org/web/20131109205524/http://www.mkra.org/ministerstvo/exministr/704/ Аргун Алексей Хутович (1937—2008)] на сайте Министерства культуры Республики Абхазия. * [https://web.archive.org/web/20160304222201/http://www.abigi.org/about_authors/argun_a_kh.php Аргун Алексей Хутович.] [[Акатегориа:1937 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 1 рзы ииз]] [[Акатегориа:2008 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Ԥхынгәымза 1 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР аминистрцәа]] [[Акатегориа:Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Аԥсны адраматургцәа]] [[Акатегориа:Аргәынаа]]
Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын (; , Тҟәарчал – , Аҟәа) — аԥсуа аҟазараҭҵаара адоқтор(1983), ашәҟәыҩҩы, адраматург, атеатр аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы, апрофессор (1991), Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы(1982), РНАН академик(2001), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2007), Ахьӡ-аԥша аорден 2-тәи аҩаӡара акавалер. Тҟәарчалтәи 2-тәи абжьаратәи ашкол даушьҭымҭоуп (1956). Далгеит Н. К. Крупскаиа лыхьӡ зху Асовет Еидгылатәи Арҿиаратә Ҩны аҿы арежиссиортә ҟәша, А. В. Луначарски ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә театртә институт (Москва, 1965), анаҩс иара уи аинститут аҿы аспирантура (1969). Аус иуан Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭатә шахтаҿы, қыҭатә рҵаҩыс, Очамчыратәи араион Арҿиаратә Ҩны аҿы – сахьаркыратә напхгаҩыс, диреқторс (1958 ш. инаркны), Очамчыра араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» аҿы аларҵәаратә ҟәша еиҳабыс (1956-1960). А. Аргәын – Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы директорс аус иуан (1970-1973); 1971 ш. инаркны Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы аестетика амаҭәар ала алеқциақәа ркурс даԥхьон; А. Аргәын С. Ҷанба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә драматә театр диреқторс дыҟан (1973-1975); Аԥсны акультура министрс аус иуан (1975-1986); Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟазараҭҵааратә ҟәша деиҳабын (1986-2008), ААУ аҿы афилософиеи акультурологиеи ркафедра апрофессор. Акандидатә диссертациа ихьчеит (1970), анаҩс адоқтортә диссертациа (1983). А. Аргәын Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ааԥхьарақәа хԥа рҿы депутатс далхын (1975-1990); аҭынчра ахьчаразы Зегьеидгылатәи акомитет Аԥснытәи аҟәша хантәаҩыс даман, апрофессионалтә еидгылақәа Зегьеидгылатәи рцентртә Совет аганахьала апремиақәа ранашьара иазкыз акомиссиа далахәылан, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа ранашьаразы иалхыз акомиссиа далахәылан. СССР-и Аԥсни ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи далахәылан, Аԥсны акомпозиторцәа Реидгыла далахәылан. А. Аргәын раԥхьатәи истатиақәа цәырҵит агазеҭ «Акоммунизм ахь» аҿы. 1965 ш. инаркны ажурнал «Алашара» аҿы иркьыԥхьуа иалагеит А. А. иновеллақәеи, егьырҭ ирҿиамҭақәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акомедиақәа, апиесақәа, атрагедиақәа: «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит» (1980), «Понтиитәи аҳ Митридат V1» (1989), «Иисуси Пилати»(1991), «Ақаҷаатә аамҭа» (2004), «Зымҵәыжәҩа ԥҵәоу ажәҵыс» (2007); Инапы иҵыҵит ашәҟәқәа: «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа» (1980); «Ҿамҩак аӡы. Апиесақәа». (1984); «Атамагәаӷь. Ановеллақәа» (1987); «Редада. Ановеллақәеи апиесақәеи» 1991); Аурыс бызшәахь еиҭаганы иҭыҵыз ишәҟәқәа: «Агәы иазку ашәа. Адрама». (М. ,1979); «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа». (М. , 1986); «Аҩны былуан, ашәа рҳәон. Ановеллақәа» (М. , 1990); «Редед – адыгқәа раҳ. (Аҭоурыхтә новелла)» (Аҟәа, 1994). А. Аргәын ипиесақәа ықәдыргылахьан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ԥыхьатәи СССР ареспубликақәа рмилаҭтә театрқәа рҿы (Украина, Армениа, Қырҭтәыла уҳәа егь. ), иара убас Словакиеи Польшеи. А. Аргәын иеиҭагамҭаны Аԥсуа театр аҿы иқәдыргылахьан аспектакльқәа: «Аҳ Пунтилеи уи имаҵуҩы Маттии» Б. Брехт, «Атрамваи «Агәаҳәара» Т. Уилиамс, «Аус» А. Сухово-Кобылин уҳәа егьырҭгьы. А. Аргәын авторс дрымоуп аԥсуа театри, актиорцәеи, арежиссиорцәеи, амилаҭтә культура аусзуҩцәеи ирызку, иара убас аестетикеи аҟазареи ирыдҳәалоу апроблемақәа аазырԥшуа хыԥхьаӡара рацәала аусумҭақәа. Аԥсышәала иҭыжьу ишәҟәқәа: «Ицәажәо аблақәа» (1970), «Аестетика адунеи аҿы» (1995); урыс бызшәала: «Аԥсуа театр аҭоурых» (1978), « Аҳаҭыртә Дырга занашьоу С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр» (1981), «Аԥсуа театри афольклори» (1986), «Шәарах Ԥачалиа – СССР жәлар рартист» (1989), «Шәарах Ԥачалиа аҳ Лир ироль аҿы» ( 1995), «Софа Агәмаа» (1995), «Константин Ковачи аԥсуа ашәеи» (1995), «Едуард Бебиеи ансамбль «Шьараҭыни» (1996), «Уасил Царгәыши Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбли» (1997), «Шьалуа Гыцба. Актиор ирҿиаратә мҩа иазкны»(1997), «Ашәа аҳәоит аԥсуа быргцәа рансамбль «Нарҭаа» (1999), «Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа» (1999), «Дирижиорс дыҟоуп Вадим Судаков» (2000), «Аԥсуа сцена апоетесса. Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартистка Анна Аргәын-Коношок лырҿиара иазкны» (2005). А. Аргәын авторс дрымоуп Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аоккупациа зызуз аҳҭны қалақь Аҟәа далаханы даныҟаз, 1. 03. 1993 азы Мрагыларатәи афронт аҿы Лабра ахақәиҭтәраан фырхаҵарала иҭахаз иҷкәын Баҭали иареи реиҿцәажәара ҳасабла иҩу амемуарқәа-агәҭахәыцрақәа. Автор амемуарқәа аниҩуаз издыруамызт иҷкәын дышҭахахьаз. (Аԥсны: Џьанаҭ иҟоу џьаҳаным»; Аҟәа, 1994). Азхьарԥшқәа Аргун Алексей Хутович (1937—2008) на сайте Министерства культуры Республики Абхазия. Аргун Алексей Хутович. Акатегориа:1937 шықәсазы ииз Акатегориа:Мшаԥымза 1 рзы ииз Акатегориа:2008 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Ԥхынгәымза 1 рзы иԥсыз Акатегориа:Аԥснытәи АССР аминистрцәа Акатегориа:Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатцәа Акатегориа:Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Аԥсны адраматургцәа Акатегориа:Аргәынаа
37697
https://ab.wikipedia.org/wiki/Абнауаҩы
Абнауаҩы
[[Афаил:Yeti colorisé.jpg|мини]] '''Абнауаҩы''' (иети, бигфут убас иҵегьы; {{lang-en|Yeti}}) — амифтә амаамынԥшра змо ауаҩ еиԥш иҽыршиашаны ныҟәара зылшо аԥстәы, акриптид, [[абна]]қәеи [[ашьха]]қәеи рҿы инхошәа рҳәоит. Зны зынла ԥыҭҩык абнауаҩы ахәы жәпа змоу дуаҩуп ҳәа дрыԥхьаӡоит, шьоукы иҽыршианы ныҟәара зылшо имаамынызшәа иахцәажәоит. {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Абнауаҩы]] [[Акатегориа:Акриптидқәа]] [[Акатегориа:Амифтә ԥстәқәа]]
мини Абнауаҩы (иети, бигфут убас иҵегьы; ) — амифтә амаамынԥшра змо ауаҩ еиԥш иҽыршиашаны ныҟәара зылшо аԥстәы, акриптид, абнақәеи ашьхақәеи рҿы инхошәа рҳәоит. Зны зынла ԥыҭҩык абнауаҩы ахәы жәпа змоу дуаҩуп ҳәа дрыԥхьаӡоит, шьоукы иҽыршианы ныҟәара зылшо имаамынызшәа иахцәажәоит. Акатегориа:Абнауаҩы Акатегориа:Акриптидқәа Акатегориа:Амифтә ԥстәқәа
37691
https://ab.wikipedia.org/wiki/Шрек
Шрек
[[Афаил:Shrek star (Hollywood Walk of Fame stars) July 2022.JPG|Shrek_star_(Hollywood_Walk_of_Fame_stars)_July_2022|мини|Шрек [[Аголивуд]] аҿы]] «Шрек» ({{lang-en|Shrek}}) — [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|Америкатәи]] акомпиутер ала иҟарҵаз [[Афентези|фентези]], иччараху хҭыс злоу [[амультфильм]]<ref>https://www.britannica.com/topic/Shrek-fictional-character</ref>. ==Асиужет== Шрек - идуӡӡо [[аогр]] иеҵәа (ауаҩ ижьы зфо адауы европатәи алакәқәа рҟынтәи) зхала зыӡмах аҿы инхо, Диулок аҿы, ауааи, еиуеиԥшым агыгшәыгқәеи, акьанџьақәеи убас егьырҭгьы алакәқәеи алегендақәеи рперсонажқәа инхоит. Иџьоушьаратәы иҟоуп, аха уи игәыҳалалра зын ауаа ифаӡом. Убри азыҳәан зны-зынла дыршьырц зҭахыз ауаа ианааиуоз, ус баша иршәаны икеицон. Адауы иԥсҭазаара деигәырӷьаны қьаф иуан. Аха зны иԥсҭазаара зегь иԥсахуеит лорд чичиак, иара идгьылқәа ҟынтәи иқәынхауаз алакәқәа рхылҵыз агыгшәыгқәа зегь Шрек иӡмах ахь икеицеит. Нас Шрек иҟалаз ианиарҳәа, ҭынч инхарц иҭахын азы Фаркуад иахь диацәажәарц дцеит. Иара убри Фаркуад ҳәа захьӡу дышлордыз игәы ԥҵәеит, дҭауадхарц даара иҭахын, аха убри азыҳәаны, аԥхьа апринцесса ԥҳәысыс дааигарц акәын. Зыԥсы ҭоу асаркьа ианирҭа, асаркьа ԥҳәысыс иааигаша иҟаз авариантқәа зегь ианарбеит, Фаркуад Фиона дигәаԥхеит. Фиона абааш датҟәны дшамаз амца зыҽҟьоз агәылшьаԥ бааԥс дшахьчоз зегь иарҳәеит. Фаркуад атурнир ду ҟаиҵоит, иалыихыша аибышьҩы замана диԥшаарц азы, Шреки аҽадеи лорд еиқәаҭаццы ибааш ахь ианааи ааигәа атурниргьы иалагеит, нас Фаркуад Шрек даниба, Шрек дызшьуа ҳәа апринцесса лхы лақәиҭра азин иоуеит ҳәа аибашьцәа раиҳәеит. Убри Шрек ирласны ахацәа зегь ианииԥҟа Фаркуад, Шрек диҳәеит уи апринцесса иа иахь дааигар ҳәа, Шрек ҭынч анхашьа зԥырхаго агыгшәыгқәа зегь иӡмах аҟынтәи ишкеицо ҳәа иаиҳәеит. Шреки [[аҽадеи]] еицны апринцесса лхы лақәиҭны, агәылшьаԥ захьчоз абааш аҟынтәи иандәылц, Апринцесса длыҳәеит, Шрек ихаҿсахьа лирбарц, ашлем хых ҳәа иалҳәеит, аха адау данылба даара иџьалшьеит, уи моу Шрек лара дирҭынчит. Рыхҩыкгьы Диулок ахь ацара иаҿын, аха аамҭа цон аамҭа шцозгьы урҭ бзиа шеибабоз иргәарҭеит. Лорд Фаркуад мчыла Фиона ԥҳәысыс дааигарц акәын аха Шрек данааи Фаркуад дирццит, уи дзыхьчоз ахацәагь Шрек иирццит , Шрек зегь дыриааит. ==Аҟаҵара== Акомпиутертәи арежиссерцәа: [[Ендриу Адамсон]], [[Вики Џьенсон]]. Шьаҭас иамоуп: [[Уиллиам Стеиг]] ишәҟәы. Асценари ԥҵаҩцәа: [[Тед Еллиот]], [[Терри Россио]], [[Џьо Стилман]], [[Роџьер С.Х. Шульман]]. Абжьы иахарҵеит:•[[Маик Маиерс]], [[Едди Миорфи]], [[Камерон Диас]], [[Џьон Литгоу]]. Акомпозиторцәа: [[Гарри Грегсон-Уилиамс]], [[Џьон Пауелл]]. Аҳәынҭқарра: [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]]. Абызшәа: [[Англыз бызшәа|англыз]]. Апродиусорцәа: [[Аарон Уорнер]], [[ Џьон Х. Уильиамс]], [[Џьеффри Катценберг]]. Асахьаҭыхҩы: [[Џьеимс Хьегьедус]]. Амонтажер: [[Сим Еван-Џьонс]]. Амультфильм цоит : 90 минуҭ Астудиақәа:[[DreamWorks Аnimation]], PDI/DreamWorks. Адистрибиуторқәа: UIP Duna[d], DreamWorks. Ианыҭрыжьыз: Амультфильм иҭрыжьит: мшаԥымза 22, 2001<ref>https://variety.com/2001/scene/vpage/shrek-shleps-in-1117797904/</ref>(атеатр «Mann Village») Лаҵарамза 18, 2001 ([[ЕАА]] Америка) Абҵарамза 31, 2001 ([[Урыстәыла]]) Абиуџьет: 60млн$.<ref name="boxofficemo">[https://www.boxofficemojo.com/title/tt0126029/]</ref> Аизгарақәа: 488 351 320 $.<ref name="boxofficemo"/> ==Ахранологиа== Уи аанӡа иҟаз амультфильм: *[[Амагәқәа зшьу ацгәы: хҩык аџьныш хәыҷқәа]].(«Шрек» ифраншиза ахранологиаҿы) Анеҩстәи амультфильмқәа: *[[Шрек: аԥсшьаратә амз]] (Шрек ифраншиза ахранологиаҿы) *[[Шрек 2]] (Шрек ипентологиа ахранологиаҿы) ==Анырра== Адунеи аҿы Шрек еиҵырдыруа персонаж иоуп. Шрек изкны ирацәаны алафқәа аинтернет иҭарыжьуеит. <gallery mode="packed" caption="Шрек"> Shrek lass nach - panoramio.jpg|Шрек ибаҟа Shrek & Fiona.jpg|Шрек Қьырса ныҳәазы Shrek has a Donk.gif|Шрек изкны машьына Shrek's hut (6806598848).jpg|Шрек иӡмах аҩыны Shrek Street Symbol.jpg|Шрек абрагь Chat potté.jpg|Ҵис шрек ифраншиза аҟынтә Grotta ghiacciaio Marmolada.jpg|Шрек иҳаԥы </gallery> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Америкатәи афильмқәа]]
«Шрек» () — Америкатәи акомпиутер ала иҟарҵаз фентези, иччараху хҭыс злоу амультфильмhttps://www.britannica.com/topic/Shrek-fictional-character. Асиужет Шрек - идуӡӡо аогр иеҵәа (ауаҩ ижьы зфо адауы европатәи алакәқәа рҟынтәи) зхала зыӡмах аҿы инхо, Диулок аҿы, ауааи, еиуеиԥшым агыгшәыгқәеи, акьанџьақәеи убас егьырҭгьы алакәқәеи алегендақәеи рперсонажқәа инхоит. Иџьоушьаратәы иҟоуп, аха уи игәыҳалалра зын ауаа ифаӡом. Убри азыҳәан зны-зынла дыршьырц зҭахыз ауаа ианааиуоз, ус баша иршәаны икеицон. Адауы иԥсҭазаара деигәырӷьаны қьаф иуан. Аха зны иԥсҭазаара зегь иԥсахуеит лорд чичиак, иара идгьылқәа ҟынтәи иқәынхауаз алакәқәа рхылҵыз агыгшәыгқәа зегь Шрек иӡмах ахь икеицеит. Нас Шрек иҟалаз ианиарҳәа, ҭынч инхарц иҭахын азы Фаркуад иахь диацәажәарц дцеит. Иара убри Фаркуад ҳәа захьӡу дышлордыз игәы ԥҵәеит, дҭауадхарц даара иҭахын, аха убри азыҳәаны, аԥхьа апринцесса ԥҳәысыс дааигарц акәын. Зыԥсы ҭоу асаркьа ианирҭа, асаркьа ԥҳәысыс иааигаша иҟаз авариантқәа зегь ианарбеит, Фаркуад Фиона дигәаԥхеит. Фиона абааш датҟәны дшамаз амца зыҽҟьоз агәылшьаԥ бааԥс дшахьчоз зегь иарҳәеит. Фаркуад атурнир ду ҟаиҵоит, иалыихыша аибышьҩы замана диԥшаарц азы, Шреки аҽадеи лорд еиқәаҭаццы ибааш ахь ианааи ааигәа атурниргьы иалагеит, нас Фаркуад Шрек даниба, Шрек дызшьуа ҳәа апринцесса лхы лақәиҭра азин иоуеит ҳәа аибашьцәа раиҳәеит. Убри Шрек ирласны ахацәа зегь ианииԥҟа Фаркуад, Шрек диҳәеит уи апринцесса иа иахь дааигар ҳәа, Шрек ҭынч анхашьа зԥырхаго агыгшәыгқәа зегь иӡмах аҟынтәи ишкеицо ҳәа иаиҳәеит. Шреки аҽадеи еицны апринцесса лхы лақәиҭны, агәылшьаԥ захьчоз абааш аҟынтәи иандәылц, Апринцесса длыҳәеит, Шрек ихаҿсахьа лирбарц, ашлем хых ҳәа иалҳәеит, аха адау данылба даара иџьалшьеит, уи моу Шрек лара дирҭынчит. Рыхҩыкгьы Диулок ахь ацара иаҿын, аха аамҭа цон аамҭа шцозгьы урҭ бзиа шеибабоз иргәарҭеит. Лорд Фаркуад мчыла Фиона ԥҳәысыс дааигарц акәын аха Шрек данааи Фаркуад дирццит, уи дзыхьчоз ахацәагь Шрек иирццит , Шрек зегь дыриааит. Аҟаҵара Акомпиутертәи арежиссерцәа: Ендриу Адамсон, Вики Џьенсон. Шьаҭас иамоуп: Уиллиам Стеиг ишәҟәы. Асценари ԥҵаҩцәа: Тед Еллиот, Терри Россио, Џьо Стилман, Роџьер С.Х. Шульман. Абжьы иахарҵеит:•Маик Маиерс, Едди Миорфи, Камерон Диас, Џьон Литгоу. Акомпозиторцәа: Гарри Грегсон-Уилиамс, Џьон Пауелл. Аҳәынҭқарра: Еиду Америкатәи Аштатқәа. Абызшәа: англыз. Апродиусорцәа: Аарон Уорнер,  Џьон Х. Уильиамс, Џьеффри Катценберг. Асахьаҭыхҩы: Џьеимс Хьегьедус. Амонтажер: Сим Еван-Џьонс. Амультфильм цоит : 90 минуҭ Астудиақәа:DreamWorks Аnimation, PDI/DreamWorks. Адистрибиуторқәа: UIP Duna[d], DreamWorks. Ианыҭрыжьыз: Амультфильм иҭрыжьит: мшаԥымза 22, 2001https://variety.com/2001/scene/vpage/shrek-shleps-in-1117797904/(атеатр «Mann Village») Лаҵарамза 18, 2001 (ЕАА Америка) Абҵарамза 31, 2001 (Урыстәыла) Абиуџьет: 60млн$. Аизгарақәа: 488 351 320 $. Ахранологиа Уи аанӡа иҟаз амультфильм: Амагәқәа зшьу ацгәы: хҩык аџьныш хәыҷқәа.(«Шрек» ифраншиза ахранологиаҿы) Анеҩстәи амультфильмқәа: Шрек: аԥсшьаратә амз (Шрек ифраншиза ахранологиаҿы) Шрек 2 (Шрек ипентологиа ахранологиаҿы) Анырра Адунеи аҿы Шрек еиҵырдыруа персонаж иоуп. Шрек изкны ирацәаны алафқәа аинтернет иҭарыжьуеит. Азгәаҭақәа Акатегориа:Америкатәи афильмқәа
37693
https://ab.wikipedia.org/wiki/Афон_Ҿыцтәи_аҳаԥы
Афон Ҿыцтәи аҳаԥы
[[File:New Athos cave (3338661608).jpg|thumb|Афон ҿыцтәи аҳаԥы]] '''Афон ҿыцтәи аҳаԥы''' ({{lang-ru|Новоафонская пещера}}, {{lang-ka|ახალი ათონის მღვიმე}}) — [[Аԥсны]] иҟоу [[Аҳаԥы|аҳаԥ]] дуқәа ируакуп, [[Афон Ҿыц]] адгьылҵакыраҿы ишьҭоуп, убри азоуп ас еиԥш ахьӡгьы замоу. Ивертәи ашьха ашьапаҿы иҟоуп. 1 млн м³ иҟоу акарсттә цәырҵратә гәаҩарақәа амоуп. Аусура ҳәаақәнаҵоит ареспубликатә наплакы «Афон Ҿыцтәи акомплекс», [[Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистрра]]. Атуристцәа аҭаартә еиԥш аҭагылазаашьа амоуп. Аҳаԥы аҭаларҭаҿы ишьҭаҵоуп аихамҩа - атоннель, еиҭаҵуа арельстә еилазаара мҩақәызҵо. Аҳаԥы азааигәара иҟоуп [[Афон Ҿыцтәи аберҭыԥ]]и, [[Симон Кананит|Симон Кантә]]и иуахәамеи. ==Аҟазшьарбагақәа== * Аҵаулара: 183 м * Амҽхак: 1 млн м³ * Ианаартыз ашықәс: 1961 * Ахаҭара: ажьакца-ҿыӡәӡәааратә * Иахыԥхьаӡалоу: ахылҵшьҭра акьырлыхқәа * Аҭаларақәа рхыԥхьаӡара: 4 * Ауадаҩра акатегориа: 2А * Аҭааҩцәа рзы иахьыманшәалоу: 1500 м * Алашарбага: Ифымцарку * Асаит: afon-cave.ru * Аишьҭаргылара: 43°06′02″ с. ш. 40°47′26″ в. д.HGЯO * Атәыла: Аԥсны Аҳәынҭқарра ==Аҭоурых== Аҳаԥы аҭаларҭа гәеиҭеит [[Смыр, Гиви Шалва-иԥа|Гиви Смыр]], [[1961]] ш. азы. Уи шииԥшааз атәы реиҳәеит [[Аҳаԥыҭҵаара|аспелеологцәа]]. 1961 ш. [[ԥхынгәымза 14]] рзы, ақәыларатә гәыԥ аилазаара: [[Таташиӡе, Зураб Константин-иԥа|Зураб Тинтилозов]] (агәыԥ анапхгаҩы), Гиви Смыр, Арсен Окроџьанашьвили, Борис Гьергьедаа,<ref>{{cite web |title = Шаги под землёй |author = Л. Лернер |url = https://www.vokrugsveta.ru/vs/article/5367/ |lang = ru |website = «[[Вокруг света]]» |date = 1975-10-01 |access-date = 2021-12-09 |archive-date = 2021-05-09 |archive-url = https://web.archive.org/web/20210509010307/https://www.vokrugsveta.ru/vs/article/5367/ }}</ref> аҵеџьқәа рӡеихыҽҽа иахысны, раԥхьаӡа акәны 135 м. аҵаулара змаз "Анаҟәаԥиа" азал ахь анеира рылдыршеит  (азал "Аԥсны").  Убри анаҩс иаартын аҳаԥы анаҩстәи азалқәа. [[1975]] ш. инаркны аҳаԥы  аԥсшьаҩцәа аҭаауа иалагеит. Афон Ҿыцтәи аҳаԥы шьақәгылоуп азалқәа жәба рыла, урҭ рахьтә фба рҟны еснагь аныҟәарақәа мҩаԥысуеит, залк аҭҵааратә усурақәа рзы иаанкылоуп. Азалқәа раԥхьатәи рыхьӡқәа ҩынтә аҿыц хьӡқәа рыла ирыԥсаххьеит: 1975 ш. аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәарақәа ирылагаанӡа, иара убас ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь 1992-1993 шш.<ref>{{cite web |author = |url = http://www.abhaztur.com/upload/files/peshhera_2.jpg |title = Схема Новоафонской пещеры |url-status=dead |lang = ru |website = АбхазТур |access-date = 2021-12-09 |archive-url = https://web.archive.org/web/20180106103509/http://www.abhaztur.com/upload/files/peshhera_2.jpg |archive-date = 2018-01-06}}</ref> Азалқәа рыхьӡқәа, ҳазҭагылоу аамҭазы ирыдкылоу:<ref>{{cite web |author = |lang = ru |url = https://allscales.ru/abkhazia/sights/other/novoafonskaya-peshhera.html |title = Новоафонская пещера: сколько стоит вход и что посмотреть внутри? |website = «Эко Абхазия» |date = 2020-12-14 |access-date = 2021-12-09 |archive-date = 2021-07-30 |archive-url = https://web.archive.org/web/20210730074550/https://allscales.ru/abkhazia/sights/other/novoafonskaya-peshhera.html }}</ref> * азал "Анаҟәаԥиа" (ари азал аҟны иҟоуп аӡаҵаҟатәи аӡҭачқәа ҩба: Анатолиа, Аиаҵәа, уажәы - азал "Абхазия", азал "Аԥсны"); * "Амҳаџьырқәа" рзал ( "Аспелеологцәа" рзал, уаанӡа еиуеиԥшым ҩзалкны иҟан - " Ақырҭуа спелеологцәа" рзал, "Иқәӡаауа аӡҭачы" азал); * азал "Нарҭаа" (азал "Нарҭаа", араҟа иҟоуп ахԥатәи аӡҭачы, Ихьӡыдоу, иара убас аҽыџь "Абнацә", раԥхьаӡа хьӡыс иаман "Абжьқәа" рзал,  Ажанелиусқәа рзали, аҽыџь "Абнацәи"); * "Акораллиттә бжьындахы (агалереиа) ( уи иаҵанакуеит  аԥхьатәи  "Ахрезантемақәа" рзал  , " Агиԥстә" ҽыџь, абжьындахы "Ахаҳәтә шәҭқәа"); * "Аспелеологцәа" рзал ( зегь реиҳа иҳараку азал,  азал  Аԥсар"); * Гиви Смыр ихьӡ зху азал ( иара убас идыруп "Аҟәа" азал ҳәа, раԥхьатәи ахьӡ  - азал  "Фантазиа" ); * азал "Аҩхаа" ( уаанӡа агалереиа хьӡыс иаман "Каньон", иара убас агалереиа "Абашҳатә ӡыхкыра"); * азал "Аԥхьарца" (аԥс. Аԥҳьарца - ҩрахәыцк змоу амилаҭтә музыкатә инструмент;  уаанӡа - азал "Ивериа",  уажәы - азал " Аҿартә"); * азал  "Аԥсны"  (раԥхьатәи ахьӡ "Каскад", анаҩс азал "Тбилиси"); * Агеликтә ҽыџь ( иара убас иаду аҽыџь "Гуров"). Аекскурсиатә ныҟәарақәа ирыҵаркуеит абарҭ азалқәа: "Анаҟәаԥиа", "Амҳаџьырқәа" , "Нарҭаа", "Акораллиттә ҽыџь", "Аҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны". "Аԥхьарца" азал аҟны зны-зынла амузыкатә концертқәа мҩаԥыргоит.  Агелектитә ҽыџь аҭҵаарадырратә усурақәа рзы рхы иадырхәоит. ==Аинтерес змоу ахҭысқәа== * Аҳаԥы раԥхьатәи аартҩы - Гиви Шьалуа-иԥа Смыр, 1961ш. (1946-2016), 2001ш. инаркны Афон Ҿыцтәи аҳаԥы акомплекс директорс даман. *  Аҳаԥы зегь реиҳа идуу азал - "Амҳаџьырқәа" рзал. Аура - 260 метра, аҳаракыра - 50 метра иназынаԥшуеит, аҭбаара - 75 метра аҟынӡа ыҟоуп. Ас еиԥш иҟоу аура алыршахоит "Аспелеологцәа" рзали, "Иқәӡаауа аӡҭачы" азали акны иуԥхьаӡар.  Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы еиуеиԥшым агәаанагарақәа  аҭыԥ шрымоугьы,    Аԥсны иҟоу азал дуқәа иреиуам.  Аҩаӡара ашәага-загала  Аԥсны  иҟоу аҳаԥы азалқәа рахьтә ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит (  Снежнаиа аҳаԥы аҟны иҟоу  "Аҳ  итәарҭа" азал  анаҩс, аура - 309 м, аҭбаара - 110 м, аура - 40 м), азал "Икс" (убригьы Снежнаиа аҳаԥы аҟны  -270 м-70м, 58 м.иҟоу аура аҟны). * Афон Ҿыцтәи аҳаԥы аурагьы амҽхак аҭбааралагьы Аԥсны зегьы иреиҳау аҳаԥқәа ирхыԥхьаӡалам. * Аҳаԥы зегь реиҳа еиҳау азал - "Аспелеологцәа" рзал, аура 97 метра ыҟоуп. * Аҳаԥы зегь реиҳа иԥшӡоу азалқәа -  Гиви Смыр ихьӡ зху азал, "Анаҟәаԥиа", Агеликтитә ҽыџь, Акоралликтә галереиа ( "Ахаҳәтә шәҭқәа" ргалереиа). * Азал  "Анаҟәаԥиа" аҟны зегь реиҳа иблахкыгоуп аӡҭачы "Анатолиа". Аӡҭачы амҽхак 1000 м² ыҟоуп, аҵаулара 26 м, аӡы аҟәандара 10 гр.цель. Абри азал аҟны иҟоуп  "Аӡиа иаҵәа" -1250 м². * "Агеликтитә ҽыџь" азал аҟны, аҭҵаарадырратә усзуцәа рзы иаанкылоуп, хыԥхьаӡара рацәала ацәыкәбартә цәырҵрақәа амоуп - агеликтит. Анаҩс иҟоуп ахаҳәтә ӡхыҽҽа "Аԥсны", аура - 20 м, аҭбаара - 6 м.   * Афон Ҿыцтәи аҳаԥы иамоуп аҭаларҭақәа ԥшьба, хԥа урҭ рахьтә иԥсабаратәқәам ( Азалқәа "Анаҟәаԥиа", "Аԥсны" рҟны адгьылаҵаҟатәи аихамҩатә станциақәа рыла инеиуеит), иара убас, "Иқәӡаауа аӡҭачы" аҟынтә ҷыдала иагәылгоуп аӡы мҩахызго агалереиа.   Иамоу аҭаларҭаҵәҟьа убарц алшоит  "Анаҟәаԥиа"  азал аҭуан аҟны, аханатә иахьынтәиҭалаз.  Ақәыԥшылара Ешыра ақыҭа иадуп, ахыбгалара ҵаула асахьа  аманы. * Аҳаԥы аҵакыраҿы имҩаԥысуеит  Д. С. Ермаков ироман  "Алашәқәа" ахҭыс ", "Метро-2033" асериа аҟынтә иаагоу. * Аҳаԥы аҟны  идырбан афильм «Приключения Тома Сойера и Гекльберри Финна»  аепизод, 1981ш. СССР. * 1994 ш. рзы, Ида астероид аҟны акратерқәа руак аҳаԥы аҳаҭыр азы ахьӡ ахҵоуп, адиаметр 0,8 км.<ref>{{cite web |author = |lang = ru |url = https://planetarynames.wr.usgs.gov/Feature/75;jsessionid=DF993B7C410646801B7BF91246AB95CA |archive-url = https://web.archive.org/web/20201129030045/https://planetarynames.wr.usgs.gov/Feature/75;jsessionid=DF993B7C410646801B7BF91246AB95CA |archive-date = 2020-11-29 |title = Имена собственные на объектах Солнечной системы. |access-date = 2019-12-11 }}</ref>. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} ==Азхьарԥшқәа== {{commonscat|New Athos Cave}} *[https://web.archive.org/web/20061103234848/http://dp.abhazia.com/cave.html Афон Ҿыцтәи аҳаԥы асаит] – архивтәра *[https://www.showcaves.com/english/ge/showcaves/NovyAfon.html Афон Ҿыцтәи аҳаԥы showcaves.com асаит ахь] {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Аԥсны иҟоу аҳаԥқәа]] [[Акатегориа:Аҳаштә ҳаԥқәа]] [[Акатегориа:Аекскурсиатә ҳаԥқәа]] [[Акатегориа:Аԥсны агеографиа]] [[Акатегориа:Гәдоуҭа араион]] [[Акатегориа:Аԥсны иҟоу аблахкыгарҭақәа]] [[Акатегориа:Афон Ҿыц]]
Афон ҿыцтәи аҳаԥы (, ) — Аԥсны иҟоу аҳаԥ дуқәа ируакуп, Афон Ҿыц адгьылҵакыраҿы ишьҭоуп, убри азоуп ас еиԥш ахьӡгьы замоу. Ивертәи ашьха ашьапаҿы иҟоуп. 1 млн м³ иҟоу акарсттә цәырҵратә гәаҩарақәа амоуп. Аусура ҳәаақәнаҵоит ареспубликатә наплакы «Афон Ҿыцтәи акомплекс», Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистрра. Атуристцәа аҭаартә еиԥш аҭагылазаашьа амоуп. Аҳаԥы аҭаларҭаҿы ишьҭаҵоуп аихамҩа - атоннель, еиҭаҵуа арельстә еилазаара мҩақәызҵо. Аҳаԥы азааигәара иҟоуп Афон Ҿыцтәи аберҭыԥи, Симон Кантәи иуахәамеи. Аҟазшьарбагақәа Аҵаулара: 183 м Амҽхак: 1 млн м³ Ианаартыз ашықәс: 1961 Ахаҭара: ажьакца-ҿыӡәӡәааратә Иахыԥхьаӡалоу: ахылҵшьҭра акьырлыхқәа Аҭаларақәа рхыԥхьаӡара: 4 Ауадаҩра акатегориа: 2А Аҭааҩцәа рзы иахьыманшәалоу: 1500 м Алашарбага: Ифымцарку Асаит: afon-cave.ru Аишьҭаргылара: 43°06′02″ с. ш. 40°47′26″ в. д.HGЯO Атәыла: Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭоурых Аҳаԥы аҭаларҭа гәеиҭеит Гиви Смыр, 1961 ш. азы. Уи шииԥшааз атәы реиҳәеит аспелеологцәа. 1961 ш. ԥхынгәымза 14 рзы, ақәыларатә гәыԥ аилазаара: Зураб Тинтилозов (агәыԥ анапхгаҩы), Гиви Смыр, Арсен Окроџьанашьвили, Борис Гьергьедаа, аҵеџьқәа рӡеихыҽҽа иахысны, раԥхьаӡа акәны 135 м. аҵаулара змаз "Анаҟәаԥиа" азал ахь анеира рылдыршеит  (азал "Аԥсны").  Убри анаҩс иаартын аҳаԥы анаҩстәи азалқәа. 1975 ш. инаркны аҳаԥы  аԥсшьаҩцәа аҭаауа иалагеит. Афон Ҿыцтәи аҳаԥы шьақәгылоуп азалқәа жәба рыла, урҭ рахьтә фба рҟны еснагь аныҟәарақәа мҩаԥысуеит, залк аҭҵааратә усурақәа рзы иаанкылоуп. Азалқәа раԥхьатәи рыхьӡқәа ҩынтә аҿыц хьӡқәа рыла ирыԥсаххьеит: 1975 ш. аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәарақәа ирылагаанӡа, иара убас ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь 1992-1993 шш. Азалқәа рыхьӡқәа, ҳазҭагылоу аамҭазы ирыдкылоу: азал "Анаҟәаԥиа" (ари азал аҟны иҟоуп аӡаҵаҟатәи аӡҭачқәа ҩба: Анатолиа, Аиаҵәа, уажәы - азал "Абхазия", азал "Аԥсны"); "Амҳаџьырқәа" рзал ( "Аспелеологцәа" рзал, уаанӡа еиуеиԥшым ҩзалкны иҟан - " Ақырҭуа спелеологцәа" рзал, "Иқәӡаауа аӡҭачы" азал); азал "Нарҭаа" (азал "Нарҭаа", араҟа иҟоуп ахԥатәи аӡҭачы, Ихьӡыдоу, иара убас аҽыџь "Абнацә", раԥхьаӡа хьӡыс иаман "Абжьқәа" рзал,  Ажанелиусқәа рзали, аҽыџь "Абнацәи"); "Акораллиттә бжьындахы (агалереиа) ( уи иаҵанакуеит  аԥхьатәи  "Ахрезантемақәа" рзал  , " Агиԥстә" ҽыџь, абжьындахы "Ахаҳәтә шәҭқәа"); "Аспелеологцәа" рзал ( зегь реиҳа иҳараку азал,  азал  Аԥсар"); Гиви Смыр ихьӡ зху азал ( иара убас идыруп "Аҟәа" азал ҳәа, раԥхьатәи ахьӡ  - азал  "Фантазиа" ); азал "Аҩхаа" ( уаанӡа агалереиа хьӡыс иаман "Каньон", иара убас агалереиа "Абашҳатә ӡыхкыра"); азал "Аԥхьарца" (аԥс. Аԥҳьарца - ҩрахәыцк змоу амилаҭтә музыкатә инструмент;  уаанӡа - азал "Ивериа",  уажәы - азал " Аҿартә"); азал  "Аԥсны"  (раԥхьатәи ахьӡ "Каскад", анаҩс азал "Тбилиси"); Агеликтә ҽыџь ( иара убас иаду аҽыџь "Гуров"). Аекскурсиатә ныҟәарақәа ирыҵаркуеит абарҭ азалқәа: "Анаҟәаԥиа", "Амҳаџьырқәа" , "Нарҭаа", "Акораллиттә ҽыџь", "Аҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны". "Аԥхьарца" азал аҟны зны-зынла амузыкатә концертқәа мҩаԥыргоит.  Агелектитә ҽыџь аҭҵаарадырратә усурақәа рзы рхы иадырхәоит. Аинтерес змоу ахҭысқәа Аҳаԥы раԥхьатәи аартҩы - Гиви Шьалуа-иԥа Смыр, 1961ш. (1946-2016), 2001ш. инаркны Афон Ҿыцтәи аҳаԥы акомплекс директорс даман.  Аҳаԥы зегь реиҳа идуу азал - "Амҳаџьырқәа" рзал. Аура - 260 метра, аҳаракыра - 50 метра иназынаԥшуеит, аҭбаара - 75 метра аҟынӡа ыҟоуп. Ас еиԥш иҟоу аура алыршахоит "Аспелеологцәа" рзали, "Иқәӡаауа аӡҭачы" азали акны иуԥхьаӡар.  Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы еиуеиԥшым агәаанагарақәа  аҭыԥ шрымоугьы,    Аԥсны иҟоу азал дуқәа иреиуам.  Аҩаӡара ашәага-загала  Аԥсны  иҟоу аҳаԥы азалқәа рахьтә ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит (  Снежнаиа аҳаԥы аҟны иҟоу  "Аҳ  итәарҭа" азал  анаҩс, аура - 309 м, аҭбаара - 110 м, аура - 40 м), азал "Икс" (убригьы Снежнаиа аҳаԥы аҟны  -270 м-70м, 58 м.иҟоу аура аҟны). Афон Ҿыцтәи аҳаԥы аурагьы амҽхак аҭбааралагьы Аԥсны зегьы иреиҳау аҳаԥқәа ирхыԥхьаӡалам. Аҳаԥы зегь реиҳа еиҳау азал - "Аспелеологцәа" рзал, аура 97 метра ыҟоуп. Аҳаԥы зегь реиҳа иԥшӡоу азалқәа -  Гиви Смыр ихьӡ зху азал, "Анаҟәаԥиа", Агеликтитә ҽыџь, Акоралликтә галереиа ( "Ахаҳәтә шәҭқәа" ргалереиа). Азал  "Анаҟәаԥиа" аҟны зегь реиҳа иблахкыгоуп аӡҭачы "Анатолиа". Аӡҭачы амҽхак 1000 м² ыҟоуп, аҵаулара 26 м, аӡы аҟәандара 10 гр.цель. Абри азал аҟны иҟоуп  "Аӡиа иаҵәа" -1250 м². "Агеликтитә ҽыџь" азал аҟны, аҭҵаарадырратә усзуцәа рзы иаанкылоуп, хыԥхьаӡара рацәала ацәыкәбартә цәырҵрақәа амоуп - агеликтит. Анаҩс иҟоуп ахаҳәтә ӡхыҽҽа "Аԥсны", аура - 20 м, аҭбаара - 6 м.   Афон Ҿыцтәи аҳаԥы иамоуп аҭаларҭақәа ԥшьба, хԥа урҭ рахьтә иԥсабаратәқәам ( Азалқәа "Анаҟәаԥиа", "Аԥсны" рҟны адгьылаҵаҟатәи аихамҩатә станциақәа рыла инеиуеит), иара убас, "Иқәӡаауа аӡҭачы" аҟынтә ҷыдала иагәылгоуп аӡы мҩахызго агалереиа.   Иамоу аҭаларҭаҵәҟьа убарц алшоит  "Анаҟәаԥиа"  азал аҭуан аҟны, аханатә иахьынтәиҭалаз.  Ақәыԥшылара Ешыра ақыҭа иадуп, ахыбгалара ҵаула асахьа  аманы. Аҳаԥы аҵакыраҿы имҩаԥысуеит  Д. С. Ермаков ироман  "Алашәқәа" ахҭыс ", "Метро-2033" асериа аҟынтә иаагоу. Аҳаԥы аҟны  идырбан афильм «Приключения Тома Сойера и Гекльберри Финна»  аепизод, 1981ш. СССР. 1994 ш. рзы, Ида астероид аҟны акратерқәа руак аҳаԥы аҳаҭыр азы ахьӡ ахҵоуп, адиаметр 0,8 км.. Азгәаҭақәа Азхьарԥшқәа Афон Ҿыцтәи аҳаԥы асаит – архивтәра Афон Ҿыцтәи аҳаԥы showcaves.com асаит ахь Акатегориа:Аԥсны иҟоу аҳаԥқәа Акатегориа:Аҳаштә ҳаԥқәа Акатегориа:Аекскурсиатә ҳаԥқәа Акатегориа:Аԥсны агеографиа Акатегориа:Гәдоуҭа араион Акатегориа:Аԥсны иҟоу аблахкыгарҭақәа Акатегориа:Афон Ҿыц
37698
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аҟәа_абаа
Аҟәа абаа
[[Афаил:2014_Suchum,_Ruiny_antycznej_Dioskurii.jpg|справа|420x420px]] '''Аҟәа абаа''' — [[Аԥсны]] [[аҳҭнықалақь]] [[Аҟәа]] адгьылҵакыраҟны иҟоуп, иргылоуп [[Антикара|антикатәи]] аамҭазы, усҟан иара [[Себастополис]] ахьӡын. == Аҭоурых == === Антикатәи аамҭа === [[Абаа]] II ашә. ҳ.ҟ. аурымқәа идыргылеит аԥшаҳәатә хырӷәӷәарҭа аҳасабала Себастополис ахьыӡҵаны. Уи атәы аҳәоит 80-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәа абаа аҭӡаҟны ахаҳәцәы ианыз аҩырагьы. Уа иарбан [[134]] шықәсазы [[аурым император]] [[Адриан]] инапынҵала иаҭааз, абри ахаҳәцәы аҩыра анҵаны абаа аҭӡы иадызҵаз еицырдыруаз аныҟәаҩ, ашәҟәыҩҩы [[Арриан|Флави Арриан]] ихьӡ. Себастополис археологиатә ҭҵаара ааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысӡомызт.<ref name="автоссылка450">{{cite web|URL=https://cyberleninka.ru/article/n/planirovka-i-arhitektura-antichnogo-sebastopolisa|last=Гунба|first= Б. М.|title=Планировка и архитектура античного Себастополиса|year=2004|publisher=Проблемы истории, филологии, культуры|pages=424–433|issn=1992-0431|archivedate=2021-05-06|archiveurl=https://web.archive.org/web/20210506162243/https://cyberleninka.ru/article/n/planirovka-i-arhitektura-antichnogo-sebastopolisa}}</ref>. Себастополис ақалақьтә ԥсҭазаара иаскьаҳәымҭаҟны иҟан II ашә. ҳ.ҳ. аҩбатәи азбжазы; IV ашә. анҵәамҭа V ашә. алагамҭазы Себастополис аԥсҭазаара есааира ишьхныԥсыло иалагоит, V ашә. ақалақь ԥасатәи аҵакы ацәыӡуеит.<ref>{{Ашәҟәы|Ажәла=Воронов|Ахьӡ=И. Н.|Автор изхьарԥш=Воронов, Иури Никәала-иԥа|Астатиа ахьӡ=Научные труды в семи томах|Атом=2|Ақалақь=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=[[Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт]]|Адаҟьақәа=610}}</ref> [http://apsnyteka.org/file/Voronov_Yu_Nauchnye_trudy_v_7_tomah_T-2.pdf] Себастополис имҩаԥгаз аԥшаарақәа иаадырԥшит аҭыԥантәи аматериалтә культуреи еиҳа изаатәу аҭыԥантәи аформақәеи ирыбжьаз итрадициатәу агенетикатә еимадара, убри аан иԥшаан аимпорттә амфортә нышәаԥшьӡи, алакҟаԥшьи асаркьа чысмаҭәеи хыԥхьаӡара рацәала. Ара аргылаҩцәа аурым хаҳәеиқәҵашьа рхы иархәаны идыргылон абаа ӷәӷәақәа. Ари зегьы иаҳәоит Аԥсны абри аамҭазы антикатә культуратә дунеи аҿықәахьтәи аган ишатәызгьы, уи ҳтәыла аладатәи егьырҭ араионқәеи реиԥш, иара иахәҭакны ишыҟаз. Себастополис анышьақәгыла инаркны 100 ш. рнаҩс ахәаахәҭратә центр дуны иҟалоит; уи азы шаҳаҭра руеит иара аҵакыраҟны ицәырҵыз археологиатә ԥшаахымҭақәа, анхарҭатәи, ауаажәларратәи, акультуратәи хыбрақәа. Ирантәи-византиатәи аибашьраан [[VI-тәи ашәышықәса]] актәи азбжазы Себастополис абаа аҭыӡқәа хырбгалан, аха VI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы византиатәи аимператор [[Иустиниан I|Иустиниан Август]] ихаан, урҭ еиҭашьақәыргылан. Ашьҭахь, XI—XV ашә.-қәа рзы аҭыӡқәа ԥсахны ишьақәыргылан. === XIX ашә.=== [[1858]] шықәсазы, асултан Мурад ихаан, аҭырқәцәа [[Аҟәа]] абаа арратә база алхны еиҭакны еиҭашьақәдыргылеит, ари зырҵабыргуа акәны иҟоуп агәашәқәа рхыхь иҭаԥҟаны иану аҩыра. Абаа аҭыӡқәа инарываршәны ажрақәа ҟарҵеит, ахәаҳә ықәырҵеит, аӡы ҭарҭәеит. Абаа ахьӡгьы ԥсахын [[Сухум-кале]] ҳәа. Арантә аҭырқәцәа Аԥсны ауааԥсыра ирықәланы идырҳәлон. XVIII ашәышықәсазы абаа Аԥсны амчра знапаҿы иҟаз аҭауад [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа|Қьелешь Чачба]] (Қьелеш-беи Шервашиӡе) итәарҭаны иҟалеит. Иара [[1808]] шықәса [[лаҵарамза 2]] рзы дыршьит. [[1810]] шықәсазы абаа [[Аурысцәа|аурысқәа]] иааныркылеит, убри инаркны [[аҭырқәцәа]] Аҟәа иалҵит. [[Афаил:Сухумская крепость 05.jpg|мини|слева]] XIX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы абаа агарнизон ашьаҟауаа рротақәа ҩбеи абаатә [[артиллериа|артиллериеи]] рыла ишьақәгылан. Аҩныҵҟа ргыламҭақәак ыҟан абаа аҭӡы аасҭа илаҟәны. Аладатәи агәашәқәа рынҭыҵ ҩ-цәаҳәакны еишьҭаргыланы адәқьан хәыҷқәа гылан. Ахыхьчаратә ргыламҭақәа иаарыкәыршаны ӡрычран, уи ипылпылуа ашыӡ кәыбры аман. Аӡымҩангагақәа хырбгалан аҟнытә асолдаҭцәа аӡы ҟьашь ржәыр акәын. 40-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, аинрал [[Раевски, Николаи Николаи-иԥа|Н. Н. Раевски]] иаԥшьгарала, аӡрычрақәа рҭарбара иалагеит. Абри аамҭазы Аҟәа абаа ԥшьыркца иашаны, аҭӡы шәпа ду зкәыршаны иҟаз акыр иӷәӷәаз ргыламҭан, ҭыԥқәак рыҟны аамҭа ихнарбгалеит, џьара-џьара [[1853]]—[[1856]] шш. [[Ҟрымтәи аибашьра]]ан – аҭырқәцәа. Абаа ашҟа анеирҭақәа ҩба аман — мрагыларахьынтәи мраҭашәарахьынтәи. Ԥаса абаа аҭаларҭа зыхьчоз аихатә гәашәқәа амаӡам. Абаа аҩныҵҟа аказарма лаҟәқәа рыҟны артиллериатә гарнизон ыҟан, ара иара убас акоменданттә напхгарагьы тәан, иҟан иара убас ажәытә ныҳәарҭеи аофицерцәа рыҩнқәеи. Урҭ лаҟәқәан, адәахьала аказармақәа излареиԥшмыз ҳәа акгьы ыҟамызт, ақәа ркылсуан иажәхьан азы. Аҳратәра аколониалтә режим аӷәӷәахара иахҟьаны [[1866]] шықәсазы [[Аԥсны]] аҩада-мраҭашәарахьтәи аган аҟны жәлар (анхацәа) рықәгылара ҟалеит. Ҩ-нызқь инарзынаԥшуа ауаа Аҟәа инеины инадгылеит, ԥхынгәымза 28 рзы ақалақь рнапаҿы иааргеит. Аҳ игарнизон абаа иҭатәан аҿыҵәахны; аа-нызқьҩык рҟынӡа ацхырааразы инашьҭыз иқәгылаз анхацәа ирҿагылан, абаа рырымҭеит, агарнизон еиқәдырхеит. [[Нанҳәамза 20]] рзы ақәгылаҩцәа рабџьар шьҭарҵар акәхеит. Урҭ рнапхгаҩцәа Ханашә Калӷьы, Какәчал-иԥа, Ҟазылбақь Маан — 1866 шықәса [[ԥхынҷкәынмза]] алагамҭазы абаа аҭӡы инадыргыланы иреихсны иршьит.<ref>{{Cite web|lang=ru-ru|url=https://mkra.org/%D1%83%D1%87%D1%80%D0%B5%D0%B6%D0%B4%D0%B5%D0%BD%D0%B8%D1%8F/%D0%B7%D0%B0%D0%BF%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D0%B4%D0%BD%D0%B8%D0%BA%D0%B8/item/188-%D0%B3%D0%BE%D1%81%D1%83%D0%B4%D0%B0%D1%80%D1%81%D1%82%D0%B2%D0%B5%D0%BD%D0%BD%D1%8B%D0%B9-%D0%B8%D1%81%D1%82%D0%BE%D1%80%D0%B8%D0%BA%D0%BE-%D0%B0%D1%80%D1%85%D0%B8%D1%82%D0%B5%D0%BA%D1%82%D1%83%D1%80%D0%BD%D1%8B%D0%B9-%D0%B7%D0%B0%D0%BF%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D0%B4%D0%BD%D0%B8%D0%BA-%D1%81%D1%83%D1%85%D1%83%D0%BC%D1%81%D0%BA%D0%B0%D1%8F-%D0%BA%D1%80%D0%B5%D0%BF%D0%BE%D1%81%D1%82%D1%8C|title=Заповедник &#34;Сухумская крепость&#34;|website=mkra.org|access-date=2021-05-06|archive-date=2021-05-07|archive-url=https://web.archive.org/web/20210507122159/https://mkra.org/%D1%83%D1%87%D1%80%D0%B5%D0%B6%D0%B4%D0%B5%D0%BD%D0%B8%D1%8F/%D0%B7%D0%B0%D0%BF%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D0%B4%D0%BD%D0%B8%D0%BA%D0%B8/item/188-%D0%B3%D0%BE%D1%81%D1%83%D0%B4%D0%B0%D1%80%D1%81%D1%82%D0%B2%D0%B5%D0%BD%D0%BD%D1%8B%D0%B9-%D0%B8%D1%81%D1%82%D0%BE%D1%80%D0%B8%D0%BA%D0%BE-%D0%B0%D1%80%D1%85%D0%B8%D1%82%D0%B5%D0%BA%D1%82%D1%83%D1%80%D0%BD%D1%8B%D0%B9-%D0%B7%D0%B0%D0%BF%D0%BE%D0%B2%D0%B5%D0%B4%D0%BD%D0%B8%D0%BA-%D1%81%D1%83%D1%85%D1%83%D0%BC%D1%81%D0%BA%D0%B0%D1%8F-%D0%BA%D1%80%D0%B5%D0%BF%D0%BE%D1%81%D1%82%D1%8C|url-status=dead}}</ref>. [[Аурыс-аҭырқәа еибашьра (1877–1878)|Аурыс-аҭырқәа еибашьраан]] [[1877]]–[[1878]] шш. аҭырқәцәа Аҟәа рнапахьы иааргеит, ианхьаҵуаз ақалақь еимырҵәеит, хра злаз аҭоурыхтә маҭәахәқәа рыманы ицеит. Убас абаа иҭганы иргеит амармалташь иалхыз «алаӷырӡ ӡыршә» угәалазыршәоз орнаментла ирҩычаз аӡыршә. Ари аӡыршә Мицкевичи Пушкини рпоезиаҿы иахцәажәахьеит. Аӡыршә иахьагьы асултан ихан Топканы аҟны [[Сҭампыл]] игылоуп.Сҭамԥыл аҩныҵҟа иахьатәи амҩақәҵагашәҟәқәа рыҟны аӡыршә арбоуп Сухум-Монумент ҳәа. Аурыс-аҭырқәа еибашьра ашьҭахь абаа бахҭаны иҟалеит. Абаандаҩцәа рыҩнаҵаразы раԥхьа рхы иадырхәо иалагеит ахаҳәтә бастионқәеи аӷәтәы ргыламҭақәеи. XIX –тәи ашәышықәса анҵәамҭазы абаандаҩцәа ҷыдала иргылаз акамерақәа ирыҩнарҵон. [[Актәи аурыс револиуциа]]ан [[1905]]–[[1907]] шш. ара иҭакны ирыман, ааӡабгьы рхыргон [[абольшевикцәа]] [[Орџьоникиӡе, Серго|Г. К. Орџьоникиӡе]], Л. И. Готошиа, В. З. Конџьариа. ===Асовет аамҭа=== Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргыларазы ақәԥара анцоз ([[1917]]–[[1921]]) Аҟәа абааҟны, иахьатәи Аҟәа аҩада-мраҭашәаратәи аган аҟны иҟан зыда ыҟамыз Себастополис ахырӷәӷәарҭатә ргыламҭа заҵәы, Аҟәа ашыцә аҟнытә 2 км ахьыбжьаз. Ари ахәаҟны иқәгылаз алада-мрагыларатәи аган аҿы, мрагыларахь ала аҩхаахь илбаауа, мраҭашәарахь ала – [[Гәымсҭа (аӡиас)|Гәымсҭа]] аӡиас аԥшаҳәахьы ргыламҭоуп. ==Иахьышьҭоу аҭыԥ== Аҟәа абаа Диоскураа рыԥшаҳәа [[Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа]]хьы иахьылбаауа аҭыԥ аҟны иҟоуп, уи аԥҽыхақәа рҿаԥхьа [[акомҿар]] рбаҟа ргылоуп. Абаа ашҟа инеиуеит амҩақәа Воронов ихьӡ зхуи Абазақәа рымҩеи. ==Шәахә. иара убас== * [[Анаҟәаԥиа]] == Ахархәара змоу алитература == * [[Воронов, Иури Никәала-иԥа|Воронов, И. Н.]] В мире архитектурных памятников Абхазии. М.: Искусство, 1978 * [[Ԥачлиа, Вианор Панџьа-иԥа|Пачулиа, В. П.]] Древняя, но вечно молодая Абхазия. Аҟәа: Алашара, 1991. * [[Ҭраԥшь, Михаил Мамеҭ-иԥа|Ҭраԥшь, М. М.]] Труды. Т. 4. Материалы по археологии средневековой Абхазии. Аҟәа: Алашара, 1975 * [[Хрушкова, Лиудмила Гьаргь-иԥха|Хрушкова, Л. Г.]] Раннехристианские памятники Восточного Причерноморья. М.: Наука, 2002. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу абаақәа]] [[Акатегориа:Ажәытәӡатәи римтәи абаақәа]]
Аҟәа абаа — Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа адгьылҵакыраҟны иҟоуп, иргылоуп антикатәи аамҭазы, усҟан иара Себастополис ахьӡын. Аҭоурых Антикатәи аамҭа Абаа II ашә. ҳ.ҟ. аурымқәа идыргылеит аԥшаҳәатә хырӷәӷәарҭа аҳасабала Себастополис ахьыӡҵаны. Уи атәы аҳәоит 80-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәа абаа аҭӡаҟны ахаҳәцәы ианыз аҩырагьы. Уа иарбан 134 шықәсазы аурым император Адриан инапынҵала иаҭааз, абри ахаҳәцәы аҩыра анҵаны абаа аҭӡы иадызҵаз еицырдыруаз аныҟәаҩ, ашәҟәыҩҩы Флави Арриан ихьӡ. Себастополис археологиатә ҭҵаара ааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысӡомызт.. Себастополис ақалақьтә ԥсҭазаара иаскьаҳәымҭаҟны иҟан II ашә. ҳ.ҳ. аҩбатәи азбжазы; IV ашә. анҵәамҭа V ашә. алагамҭазы Себастополис аԥсҭазаара есааира ишьхныԥсыло иалагоит, V ашә. ақалақь ԥасатәи аҵакы ацәыӡуеит. Себастополис имҩаԥгаз аԥшаарақәа иаадырԥшит аҭыԥантәи аматериалтә культуреи еиҳа изаатәу аҭыԥантәи аформақәеи ирыбжьаз итрадициатәу агенетикатә еимадара, убри аан иԥшаан аимпорттә амфортә нышәаԥшьӡи, алакҟаԥшьи асаркьа чысмаҭәеи хыԥхьаӡара рацәала. Ара аргылаҩцәа аурым хаҳәеиқәҵашьа рхы иархәаны идыргылон абаа ӷәӷәақәа. Ари зегьы иаҳәоит Аԥсны абри аамҭазы антикатә культуратә дунеи аҿықәахьтәи аган ишатәызгьы, уи ҳтәыла аладатәи егьырҭ араионқәеи реиԥш, иара иахәҭакны ишыҟаз. Себастополис анышьақәгыла инаркны 100 ш. рнаҩс ахәаахәҭратә центр дуны иҟалоит; уи азы шаҳаҭра руеит иара аҵакыраҟны ицәырҵыз археологиатә ԥшаахымҭақәа, анхарҭатәи, ауаажәларратәи, акультуратәи хыбрақәа. Ирантәи-византиатәи аибашьраан VI-тәи ашәышықәса актәи азбжазы Себастополис абаа аҭыӡқәа хырбгалан, аха VI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы византиатәи аимператор Иустиниан Август ихаан, урҭ еиҭашьақәыргылан. Ашьҭахь, XI—XV ашә.-қәа рзы аҭыӡқәа ԥсахны ишьақәыргылан. XIX ашә. 1858 шықәсазы, асултан Мурад ихаан, аҭырқәцәа Аҟәа абаа арратә база алхны еиҭакны еиҭашьақәдыргылеит, ари зырҵабыргуа акәны иҟоуп агәашәқәа рхыхь иҭаԥҟаны иану аҩыра. Абаа аҭыӡқәа инарываршәны ажрақәа ҟарҵеит, ахәаҳә ықәырҵеит, аӡы ҭарҭәеит. Абаа ахьӡгьы ԥсахын Сухум-кале ҳәа. Арантә аҭырқәцәа Аԥсны ауааԥсыра ирықәланы идырҳәлон. XVIII ашәышықәсазы абаа Аԥсны амчра знапаҿы иҟаз аҭауад Қьелешь Чачба (Қьелеш-беи Шервашиӡе) итәарҭаны иҟалеит. Иара 1808 шықәса лаҵарамза 2 рзы дыршьит. 1810 шықәсазы абаа аурысқәа иааныркылеит, убри инаркны аҭырқәцәа Аҟәа иалҵит. мини|слева XIX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы абаа агарнизон ашьаҟауаа рротақәа ҩбеи абаатә артиллериеи рыла ишьақәгылан. Аҩныҵҟа ргыламҭақәак ыҟан абаа аҭӡы аасҭа илаҟәны. Аладатәи агәашәқәа рынҭыҵ ҩ-цәаҳәакны еишьҭаргыланы адәқьан хәыҷқәа гылан. Ахыхьчаратә ргыламҭақәа иаарыкәыршаны ӡрычран, уи ипылпылуа ашыӡ кәыбры аман. Аӡымҩангагақәа хырбгалан аҟнытә асолдаҭцәа аӡы ҟьашь ржәыр акәын. 40-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, аинрал Н. Н. Раевски иаԥшьгарала, аӡрычрақәа рҭарбара иалагеит. Абри аамҭазы Аҟәа абаа ԥшьыркца иашаны, аҭӡы шәпа ду зкәыршаны иҟаз акыр иӷәӷәаз ргыламҭан, ҭыԥқәак рыҟны аамҭа ихнарбгалеит, џьара-џьара 1853—1856 шш. Ҟрымтәи аибашьраан – аҭырқәцәа. Абаа ашҟа анеирҭақәа ҩба аман — мрагыларахьынтәи мраҭашәарахьынтәи. Ԥаса абаа аҭаларҭа зыхьчоз аихатә гәашәқәа амаӡам. Абаа аҩныҵҟа аказарма лаҟәқәа рыҟны артиллериатә гарнизон ыҟан, ара иара убас акоменданттә напхгарагьы тәан, иҟан иара убас ажәытә ныҳәарҭеи аофицерцәа рыҩнқәеи. Урҭ лаҟәқәан, адәахьала аказармақәа излареиԥшмыз ҳәа акгьы ыҟамызт, ақәа ркылсуан иажәхьан азы. Аҳратәра аколониалтә режим аӷәӷәахара иахҟьаны 1866 шықәсазы Аԥсны аҩада-мраҭашәарахьтәи аган аҟны жәлар (анхацәа) рықәгылара ҟалеит. Ҩ-нызқь инарзынаԥшуа ауаа Аҟәа инеины инадгылеит, ԥхынгәымза 28 рзы ақалақь рнапаҿы иааргеит. Аҳ игарнизон абаа иҭатәан аҿыҵәахны; аа-нызқьҩык рҟынӡа ацхырааразы инашьҭыз иқәгылаз анхацәа ирҿагылан, абаа рырымҭеит, агарнизон еиқәдырхеит. Нанҳәамза 20 рзы ақәгылаҩцәа рабџьар шьҭарҵар акәхеит. Урҭ рнапхгаҩцәа Ханашә Калӷьы, Какәчал-иԥа, Ҟазылбақь Маан — 1866 шықәса ԥхынҷкәынмза алагамҭазы абаа аҭӡы инадыргыланы иреихсны иршьит.. Аурыс-аҭырқәа еибашьраан 1877–1878 шш. аҭырқәцәа Аҟәа рнапахьы иааргеит, ианхьаҵуаз ақалақь еимырҵәеит, хра злаз аҭоурыхтә маҭәахәқәа рыманы ицеит. Убас абаа иҭганы иргеит амармалташь иалхыз «алаӷырӡ ӡыршә» угәалазыршәоз орнаментла ирҩычаз аӡыршә. Ари аӡыршә Мицкевичи Пушкини рпоезиаҿы иахцәажәахьеит. Аӡыршә иахьагьы асултан ихан Топканы аҟны Сҭампыл игылоуп.Сҭамԥыл аҩныҵҟа иахьатәи амҩақәҵагашәҟәқәа рыҟны аӡыршә арбоуп Сухум-Монумент ҳәа. Аурыс-аҭырқәа еибашьра ашьҭахь абаа бахҭаны иҟалеит. Абаандаҩцәа рыҩнаҵаразы раԥхьа рхы иадырхәо иалагеит ахаҳәтә бастионқәеи аӷәтәы ргыламҭақәеи. XIX –тәи ашәышықәса анҵәамҭазы абаандаҩцәа ҷыдала иргылаз акамерақәа ирыҩнарҵон. Актәи аурыс револиуциаан 1905–1907 шш. ара иҭакны ирыман, ааӡабгьы рхыргон абольшевикцәа Г. К. Орџьоникиӡе, Л. И. Готошиа, В. З. Конџьариа. Асовет аамҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргыларазы ақәԥара анцоз (1917–1921) Аҟәа абааҟны, иахьатәи Аҟәа аҩада-мраҭашәаратәи аган аҟны иҟан зыда ыҟамыз Себастополис ахырӷәӷәарҭатә ргыламҭа заҵәы, Аҟәа ашыцә аҟнытә 2 км ахьыбжьаз. Ари ахәаҟны иқәгылаз алада-мрагыларатәи аган аҿы, мрагыларахь ала аҩхаахь илбаауа, мраҭашәарахь ала – Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәахьы ргыламҭоуп. Иахьышьҭоу аҭыԥ Аҟәа абаа Диоскураа рыԥшаҳәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы иахьылбаауа аҭыԥ аҟны иҟоуп, уи аԥҽыхақәа рҿаԥхьа акомҿар рбаҟа ргылоуп. Абаа ашҟа инеиуеит амҩақәа Воронов ихьӡ зхуи Абазақәа рымҩеи. Шәахә. иара убас Анаҟәаԥиа Ахархәара змоу алитература Воронов, И. Н. В мире архитектурных памятников Абхазии. М.: Искусство, 1978 Пачулиа, В. П. Древняя, но вечно молодая Абхазия. Аҟәа: Алашара, 1991. Ҭраԥшь, М. М. Труды. Т. 4. Материалы по археологии средневековой Абхазии. Аҟәа: Алашара, 1975 Хрушкова, Л. Г. Раннехристианские памятники Восточного Причерноморья. М.: Наука, 2002. Азгәаҭақәа Акатегориа:Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу абаақәа Акатегориа:Ажәытәӡатәи римтәи абаақәа
37713
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсуа_грамматика
Аԥсуа грамматика
'''Аԥсуа грамматика''' — [[Аԥсуа бызшәа]] [[Аграмматика|грамматика]]. == Алагала == Аԥсуа ҩыра ацәырҵра XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуеит. [[1862]] шықәсазы, раԥхьаӡа акәны, аурыс еинрал, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы-кавказҭҵааҩы [[Услар, Пиотр Карл-иԥа|П. К. Услар]] еиқәиршәеит аурыс графика шьаҭас иаҭаны [[аԥсуа алфавит]], иаман 55 дырга. Абри ахҭыс хыҵхырҭаны иҟалеит аԥсуа ҩыра ацәырҵреи уи ашьақәгылареи рыҟны. Убри аамҭазы П. К. Услар иаԥиҵоит иара убас [[аԥсуа бызшәа]] аилазаашьа инарҵауланы иҭҵааны, «Аԥсуа грамматика». Иара иахьа уажәраанӡагьы ахәшьара иамоу мыӡӡацт, абызшәа аҭҵаара знапы алаку зегьы уи иқәныҟәоит. Абарҭ ашықәсқәа ирыҵанакуеит иара убас, раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы аҟаларагьы – «Аԥсуа нбан шәҟәы». 1862 ш. ақьырсианра аиҭашьақәыргылара агәыԥ еиҿнакаит акомиссиа ҷыда анбан шәҟәы аиқәыршәаразы. Напхгаҩыс дҟаҵан Петербургтәи академиа аусзуҩы, аинрал – маиор [[Бартоломеи, Иван Алексеи-иԥа|И. Бартоломеи]]. Ари анбан шәҟәы аилазаашьа аҷыда ҟазшьа аман, иахьа иаадыруа анбанқәа излареиԥшым рацәан, уи х-бызшәак рыла еиқәыршәоуп (аԥсуа, [[аурысшәа]], [[ақырҭшәа]]). Уи иацҵан «Аԥшьа аҭоурых», аурыс бызшәахьынтә гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа еиҭаргаз (И. Гьегьиа, Д. Маан, Г. Курцикиӡе) XIX ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәеит XX ашәышықәса алагамҭеи инадыркны ицәырҵуа иалагеит аҵарадырра иаҵагылашаз аҭыԥантәи акадрқәа – Ф. Ешба аханы днаргыланы, [[Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа|Д. Гәлиа]], [[Ҷоҷуа, Андреи Максим–иԥа|А. Ҷоҷуа]], [[Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа|С. Ҷанба]], Д. Маан, А. Чыкәбар, [[Патеиԥа, Николаи Баҭа-иԥа|Н. Патеиԥа]] уб. иҵ. 1909 шықәсазы еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, жәлар рырҵаҩы А. М. Ҷоҷуа (1879-1965) еиқәиршәеит – «Аԥсуа буквар» ҿыц. Ари абуквар уаанӡатәи абукварқәа излареиԥшымыз рацәан, аха уи иацмызт асахьа цәыргақәҵа, атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны. 1914 шықәсазы уи ирҽеины еиҭаҭижьуеит, акырӡа еиӷьтәны – атекстқәа асахьақәа рыцҵаны, излаҩыз абызшәа еиӷьтәны. Аԥсуа жәлар ркультуратә ԥсҭазаараҟны хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа сахьаркыратә литература, насгьы аԥсуа газеҭ «Аԥсны» рцәырҵра. 1912 шықәсазы Д. И. Гәлиа иҭижьуеит исахьаркыратә ҩымҭақәа реизга, «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» захьӡыз. Убри инашьҭраххны иҭыҵуа иалагеит усҟантәи аамҭазы иааиҵагылаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа: С. Ҷанба, И. Коӷониа, М. Аҳашба, Ӡ. Дарсалиа, М. Лакрба уб. иҵ. 1919 шықәсазы аԥсуа газеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылеит Д. Гәлиа раԥхьаӡатәи иажәабжь ҟаимаҭ «Атәым жәҩан аҵаҟа», иара убас С. Ҷанба ирҿиамҭа ирҿиамҭа раԥхьаӡатәи аԥсуа драма «Амҳаџьыр». Абарҭ зегьы аԥсуа ҩыратә литературатә бызшәа хацдыркит, ашьаҭа рҳаит. == Афонетика, Афонологиа == Афонетикатә система иалоу ашьҭыбжьқәа зегьы ҭырҵаауан ракустикеи, рартикулиациеи, рдистрибуциеи рганқәа рыла; иалкаауп афонематә еилазаашьа, аллофонқәа; афонемақәа рхархәара шаҟа лассы-лассы иаҳԥыло; афонетикатә, аморфонологиатә процессқәа; адиалекттә ҷыдарақәа; иаарԥшуп аԥсуа-абаза диалектқәа ирыбжьоу ашьҭыбжьтә еиқәшәарақәа, иара убас аԥсуа-абаза диалектқәеи адыга-аубых диалектқәеи ирыбжьоу ашьҭыбжьтә еиқәшәарақәагьы. Аԥсуа-адыга бызшәақәа ргәыԥ иаҵанакуа зегьы рыҟны еиԥш, аԥсуа бызшәаҿы иҳамоуп имариоу абжьыҟатә система, хыԥхьаӡара рацәала еилоу ацыбжьыҟатә система. Уажәтәи аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп абжьыҟа шьҭыбжьқәа фба: '''[а] [ы] [е] [о] [и] [у]. ''' Урҭ рахьтә ихадоу абжьыҟақәа '''[а] [ы]''' роуп. Ирацәаӡаны апозициақәа рҿы (ажәа агәҭани ажәа анҵәамҭаҿи) абжьыҟа '''ы''' абжьыҟа '''а''' аҟнытә ишҳауз шьақәырӷәӷәоуп. Ацыбжьыҟақәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп аԥсуа бызшәаҿы. Егьырҭ кавказтәи абызшәақәа рҿы еиԥш, аԥсуа бызшәа иаҟазшьоуп акакалатәи, ҩба-ҩбалатәи, хԥа-хԥалатәи асистема змоу аидыларатәии акылааратәи ацыбжьыҟақәа, иԥшқоу, иӷәӷәоу ацыбжьыҟақәа, алабиализациа змоу, измам, аҟырҟытәи, ахәлымшәатәи ацыбжьыҟақәа. == Аморфологиа == 1868, 2002 шықәсқәа рзы иҭыҵыз аграмматикақәа рҿы ажәаҳәа хәҭақәа рморфологиатә категориақәа, рсемантикатә ҟазшьақәа ихадоу рҷыдарақәа азгәаҭаны, ирыхцәажәоуп. Аморфологиа еиднакылоит абызшәа иалоу ажәақәа зегьы. Аморфологиазы ажәа ихадоу бызшәатә акуп. Раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа еиднакыло ажәақәа зегьы зеиԥш грамматикатә ҵаки, морфологиатә структурала, иара убас ажәаҳәаҿы ахархәарақәа рыла реиҿагыларақәа азгәаҭаны, иалыркаауеит ажәаҳәа хәҭақәа. Абызшәа иалоу ажәақәа зегьы ироуеит аиҿагылара рыҩнуҵҟа рморфологиатә структура алагьы. Убарҭқәа ирҿырԥшны, иалкаахоит зхала иҟоу, ацхыраагӡатә ажәаҳәа хәҭақәа ҳәа. Ажәаҳәа хәҭақәа рахьынтә аҟаҵарба зегьы раҵкыс иуадаҩу ажәаҳәа хәҭоуп. Уи аграмматикатә категориақәа рыла абеиара, аграмматикатә категориа аҩнуҵаҟа ажәаформақәа рырацәара, аграмматикатә категориақәа хылҵшьҭралеи семантикалеи реимадара, аҟаҵарба астатикареи/адинамикреи, афинитреи/аинфинитреи рыла реиҿагылара, аҟаҵарба ахырҿиаареи, аҟаҵарба ажәаформа аԥсахреи еицыназыгӡо аффиксқәа рыҟазаареи – зегьы аҭҵааҩы игәаимҭар зыҟаломызт аҟнытә, аҟаҵарба иазку аусумҭақәа рацәаны иаԥҵоуп. Аҭҵаара аԥхьатәи аетап аҿы зҵаарақәак ирыдҳәаланы еиқәымшәо агәаанагарақәа ыҟазаргьы, ҳазҭагылоу аетап аҿы ҵҩа змам аҟаҵарбатә ажәаформақәа дасу ҭҵаарадыррала анализ рзуны, ииашоу ахцәажәареи аквалификациеи рыҭаны, еихшаны, аҟаҵарбатә системаҿы иахьахәҭоу иргылоуп. == Асинтаксис == Раԥхьаӡа акәны асинтаксис азҵаарақәа дрыхцәажәоит П. К. Услар «Аԥсуа бызшәа» ҳәа хыс измоу иусумҭаҿы - «Этнографиа Кавказа. Языкознание I. Абхазский язык». Тифлис, 1887. Ихадоу асинтаксистә зҵаарақәа ирыхцәажәоуп Арсҭаа Ш.  Ҟ. , Ҷкадуа Л. П. еиқәдыршәаз ашәҟәаҿы. Абызшәа аҭҵааҩцәа излагәарҭахьоу ала, иуадаҩны еилоу аԥсуа синтаксис аҭҵаара цаԥхас иамоу аҟаҵарба аҷыда еилазаашьа ауп. Иара ӷәӷәала аҟаҵарба аилазашьа иадҳәалоуп. Аԥсуа бызшәаҿы аҟаҵарба асинтаксистә мчхара дара ибеиоуп. Ари абеиара зеидҳәалоу аҟаҵарба аркьынаатә аамҭатә категориақәеи, асубиект-обиекттә еизыҟазаашьақәеи раарԥшышьақәа роуп. Асинтаксис аҭҵаара хықәкы хадас иамоу асинтаксистә еизыҟазаашьақәеи урҭ рморфологиатә категориақәеи раарԥшышьақәа роуп. Иҟоуп имаҷымкәа асинтаксистә еизыҟазаашьақәа аморфологиатә шьаҭа змамгьы. == Ажәахырҿиаара == Ахьыӡҟа ажәахырҿиаара еиҳараӡак иҟалоит ашьаҭақәа реицҵарала, иара убас ажәахырҿиааратә аффиксқәа рыла, ажәа ашьагәыҭи ашьаҭеи реилаҵарала. Ахьыӡҟақәа рыҟалашьа ҭырҵаауан Габуниа З. М. , Иналиԥа А. И. , Касландзиа В. А. , Хьециа А. Џь. Аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп хыԥхьаӡарала имаҷым, модельла иеиуеиԥшым, акомпозитқәеи ажәеидҳәалақәеи ирыбжьагылоу аҟаларақәа. Урҭ ианкомпозитқәоу – ишьҭырхуеит аҟаҵарба иамоу акатегориақәа зегьы. == Алексикологиа == Аԥсуа лексикологиа аҭҵаараҿы иҟаҵоу маҷым. Азеипшлексикатә еилазаашьа шьақәгылоуп аԥсуа ажәақәа рыла, убарҭ раӷьырак жәытә-натә аахыс аԥсуа бызшәа иалақәаз роуп. Абызшәа аҿиара аппроцесс абзоурала, имаҷымкәа ирыцлеит ирхылҿиааз ажәақәагьы. Абзазаратә ҽеиҭакрақәеи урҭ ртемпқәеи ирхьыԥшны, алексикатә еилазаашьа есааира ихаҭәаауеит анеологизмқәа рыла. Урҭ реизгара, рыҭҵаара, ҭҵаарадыррала рыхцәажәара, ажәарқәа рацҵара ихадоу аҭыԥ ныркылеит Хьециа А. Џь. ирҿиаратә усураҿы. Игәыгәҭажьым асинонимқәа, антонимқәа, аомонимқәа, аомографқәа реиԥш иҟоу абызшәатә акқәа. Лымкаала иазгәаҭатәуп аԥсуа омонимқәа рызҵаарақәа ирыдҳәалоу Саманба Л. Х. имҩаԥигаз аҭҵаарақәеи иаԥиҵаз ажәари. == Алексикографиа == Аԥсуа бызшәадырраҿы алексикографиа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Аԥсуа лексикографиа ашьақәгылара иалагоит иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа инадыркны. Аԥхьатәи ажәарқәа реиҳарак атерминқәа ирызкыз аиҭагатә жәарқәа ракәын. Атерминқәа ирызкыз аиҭагатә жәар хәыҷқәа рыла иалагаз аԥсуа лексикографиа, иаҳа-иаҳа аиқәыршәаратә инерциа иацҵо, иалагоит шәагаала ихәыҷым еиуеиԥшым ажәарқәа раԥҵара. Убас 1926 шықәсазы иҭыҵуеит академик Н. И. Марр еиқәиршәаз «Аԥсуа-аурыс жәар»; 1954 ш. – Џьанашьиа Б. П. еиқәиршәаз «Аԥсуа ақырҭуа жәар»; Аԥсуа институт аусзуҩцәа еиқәдыршәеит «Аурыс-аԥсуа жәар». 1986, 1987 шықәсқәа рзы ҩ-томкны иҭыҵуеит аилыркааратә, аиҭагатә «Аԥсуа бызшәа ажәар». Ажәар еиқәдыршәеит Шьаҟрыл К. С. , Конџьариа В. Ҳ. – I атом; Шьаҟрыл К. С. , Конџьариа В. Ҳ. , Ҷкадуа Л. П. – II атом. «Аԥсуа бызшәа ажәар» аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа бызшәадырраҿы. Уи раԥхьатәи аилыркааратә жәаруп. Аиҭагатә жәарқәа рахьынтә «Аԥсуа бызшәа ажәар» иаҵанакуа ажәақәа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳауп. К. С. Шьаҟрыл еиқәиршәаз ажәар апринципқәа рҿы аԥсуа бызшәа аҷыдарақәа иаҳа иазгәаҭоуп, аҳа ихарҭәааны иаарԥшуп аҵакырацәареи асинонимқәеи. == Атерминологиа == Аԥсуа литературатә бызшәа еиуеиԥшым астильқәа рцәырҵра, рыҿиара ирыбзоураны ишьақәгылеит аԥсуа терминологиа. Иахьатәи аԥсуа бызшәаҿы ахархәара ҭбаа зауз атерминқәа рацәаӡоуп. Урҭ реиҳарак автортә ҟазшьа рымоуп. Ирацәоуп иҭыжьу атерминологиатә жәарқәагьы. == Аетимологиа == Ажәа ахылҵшьҭра, ажәа раԥхьатәи аҵакы реилкаара ианакәызаалак аинтерес змаз зҵааран. Убас ицәырҵит ажәлартә етимологиа, уи иашьҭанеит аҭҵаарадырратә лексикологиа аҟәша – аетимологиа. Аԥсуа ажәақәа ретимологиа ҳԥылоит еиуепԥшым амонографиақәа рҿы, хазы ирызку астатиақәа рҿы. Аха лымкаала иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа аетимологиатә ҭҵаарақәа иаҳа активла ишымҩаԥысуа атәы. Иҭыҵуеит амонографиақәа, имаҷымкәа астатиақәа. Аҭҵааҩцәа иҳадыргало аетимологиақәа рыҟнытә узықәшаҳаҭхаша рацәоуп. Гәыблиа Р. К. , ажәақәа рыдагьы, ҷыдала иҭылҵаауеит ажәахырҿиааратә, ажәаԥсахратә морфемақәа ретимологиагьы. == Афразеологиа == Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа даара ибеиоуп афразеологиатә жәеидҳәалагақәа рыла, ахархәара ҭбаа рымоуп ажәлар рцәажәараҿы, урҭ маҷым, еиҳарак автортә ҟазшьа змоу, асахьаркыратә литератураҿгьы. Аԥсуа бызшәа зырбеио, изырԥшӡо, ажәаҳәаҩы иажәаҳәаҿы ицәанырра злааирԥшуа ажәеидҳәалақәа рӷьыра еизганы, Касланӡиа В. А. еиқәиршәоит хаҭашьала еиуеиԥшым афразеологиатә жәарқәа – аилыркааратә, асинонимтә, аиҭагатә. Убарҭ рахьынтә афразеологиатә акқәа рҵакқәа раарԥшреи, ирыцу аиллиустрациақәеи рыла ирылукаартә иҟоуп аилыркааратә жәар. == Аономастика == Аԥсуа ономастика ахәҭақәа – аетнонимиа, атопонимиа ирыҵаркуа ихадоу аноменклатурақәа алитература ҷыдаҿы иҳәаақәҵоуп еиҿагыло (иаԥсыуои-иаԥсыуами) агәаанагарақәа рыла. Идыруп, иарбанзаалак аимак-аиҿак ӡбахоит уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа рырҵабыргра ала. Урҭ шаԥсыуа ажәақәоу аҭоурыхтә, абызшәатә ҩышьара зҵам аргументқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп Анчабаӡе З. В. , Бӷажәба Хә. С. , Иналиԥа Ш. Д. . == Астилистика == Иахьазы аԥсуа стилистика иазку аусумҭақәа даара имаҷуп. Иҟам абызшәа астильқәа (ацәажәара-бзазаратә, ацәажәара-поетикатә…), алитературатә бызшәа астильқәа, асахьаркыратә литературатә бызшәа астильқәа теориала иҳәаақәызҵо аусумҭақәа. Абарҭ азҵаарақәа хара имгакәа иҭҵаатәқәоу роуп, иҭызҵаауагьы дазыҟаҵатәуп. 1986 шықәсазы Н. В. Аршбеи С. М. Наҷҟьебиеи иҭрыжьит иҿырԥшыгоу «Дырмит Гәлиа ибызшәа ажәар», уи еиԥшу ажәар аԥхьаҩ уаҳа имоуит. Инарылукааша апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа рбызшәақәа ржәарқәа ихәарҭа дуны иҟалоит аԥсуа литературатә бызшәа арҿиараҿы, аҿар рбызшәа арбеиараҿы, аԥсуа литературатә бызшәа аҿиара аҭоурых аҭҵаараҿы. Иҟоуп аҷыдатә ҟазшьа змоу аусумҭақәа, урҭгьы рхыԥхьаӡара рацәаӡам. == Адиалектологиа == Азҵаарақәа – Мраҭашәаратәи Кавказ абызшәақәа (аԥсуа, абаза, аедыгь, аҟабарда – черқьез, аубых) шьҭрала реизыҟазаашьа аарԥшра, абызшәатә цәырҵрақәа рҭоурых аилкаара, ажәа, ажәаформа рархетип ашьақәыргылара – кавказтәи абызшәадырраҿы ианакәзаалак ихадоу аҭҵааратә зҵаарақәа шьҭыхуп аԥсуа бызшәадырра аусумҭақәа рыҿгьы. [[Акатегориа:Аԥсуа бызшәа]]
Аԥсуа грамматика — Аԥсуа бызшәа грамматика. Алагала Аԥсуа ҩыра ацәырҵра XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуеит. 1862 шықәсазы, раԥхьаӡа акәны, аурыс еинрал, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы-кавказҭҵааҩы П. К. Услар еиқәиршәеит аурыс графика шьаҭас иаҭаны аԥсуа алфавит, иаман 55 дырга. Абри ахҭыс хыҵхырҭаны иҟалеит аԥсуа ҩыра ацәырҵреи уи ашьақәгылареи рыҟны. Убри аамҭазы П. К. Услар иаԥиҵоит иара убас аԥсуа бызшәа аилазаашьа инарҵауланы иҭҵааны, «Аԥсуа грамматика». Иара иахьа уажәраанӡагьы ахәшьара иамоу мыӡӡацт, абызшәа аҭҵаара знапы алаку зегьы уи иқәныҟәоит. Абарҭ ашықәсқәа ирыҵанакуеит иара убас, раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы аҟаларагьы – «Аԥсуа нбан шәҟәы». 1862 ш. ақьырсианра аиҭашьақәыргылара агәыԥ еиҿнакаит акомиссиа ҷыда анбан шәҟәы аиқәыршәаразы. Напхгаҩыс дҟаҵан Петербургтәи академиа аусзуҩы, аинрал – маиор И. Бартоломеи. Ари анбан шәҟәы аилазаашьа аҷыда ҟазшьа аман, иахьа иаадыруа анбанқәа излареиԥшым рацәан, уи х-бызшәак рыла еиқәыршәоуп (аԥсуа, аурысшәа, ақырҭшәа). Уи иацҵан «Аԥшьа аҭоурых», аурыс бызшәахьынтә гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа еиҭаргаз (И. Гьегьиа, Д. Маан, Г. Курцикиӡе) XIX ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәеит XX ашәышықәса алагамҭеи инадыркны ицәырҵуа иалагеит аҵарадырра иаҵагылашаз аҭыԥантәи акадрқәа – Ф. Ешба аханы днаргыланы, Д. Гәлиа, А. Ҷоҷуа, С. Ҷанба, Д. Маан, А. Чыкәбар, Н. Патеиԥа уб. иҵ. 1909 шықәсазы еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, жәлар рырҵаҩы А. М. Ҷоҷуа (1879-1965) еиқәиршәеит – «Аԥсуа буквар» ҿыц. Ари абуквар уаанӡатәи абукварқәа излареиԥшымыз рацәан, аха уи иацмызт асахьа цәыргақәҵа, атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны. 1914 шықәсазы уи ирҽеины еиҭаҭижьуеит, акырӡа еиӷьтәны – атекстқәа асахьақәа рыцҵаны, излаҩыз абызшәа еиӷьтәны. Аԥсуа жәлар ркультуратә ԥсҭазаараҟны хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа сахьаркыратә литература, насгьы аԥсуа газеҭ «Аԥсны» рцәырҵра. 1912 шықәсазы Д. И. Гәлиа иҭижьуеит исахьаркыратә ҩымҭақәа реизга, «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» захьӡыз. Убри инашьҭраххны иҭыҵуа иалагеит усҟантәи аамҭазы иааиҵагылаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа: С. Ҷанба, И. Коӷониа, М. Аҳашба, Ӡ. Дарсалиа, М. Лакрба уб. иҵ. 1919 шықәсазы аԥсуа газеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылеит Д. Гәлиа раԥхьаӡатәи иажәабжь ҟаимаҭ «Атәым жәҩан аҵаҟа», иара убас С. Ҷанба ирҿиамҭа ирҿиамҭа раԥхьаӡатәи аԥсуа драма «Амҳаџьыр». Абарҭ зегьы аԥсуа ҩыратә литературатә бызшәа хацдыркит, ашьаҭа рҳаит. Афонетика, Афонологиа Афонетикатә система иалоу ашьҭыбжьқәа зегьы ҭырҵаауан ракустикеи, рартикулиациеи, рдистрибуциеи рганқәа рыла; иалкаауп афонематә еилазаашьа, аллофонқәа; афонемақәа рхархәара шаҟа лассы-лассы иаҳԥыло; афонетикатә, аморфонологиатә процессқәа; адиалекттә ҷыдарақәа; иаарԥшуп аԥсуа-абаза диалектқәа ирыбжьоу ашьҭыбжьтә еиқәшәарақәа, иара убас аԥсуа-абаза диалектқәеи адыга-аубых диалектқәеи ирыбжьоу ашьҭыбжьтә еиқәшәарақәагьы. Аԥсуа-адыга бызшәақәа ргәыԥ иаҵанакуа зегьы рыҟны еиԥш, аԥсуа бызшәаҿы иҳамоуп имариоу абжьыҟатә система, хыԥхьаӡара рацәала еилоу ацыбжьыҟатә система. Уажәтәи аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп абжьыҟа шьҭыбжьқәа фба: [а] [ы] [е] [о] [и] [у]. Урҭ рахьтә ихадоу абжьыҟақәа [а] [ы] роуп. Ирацәаӡаны апозициақәа рҿы (ажәа агәҭани ажәа анҵәамҭаҿи) абжьыҟа ы абжьыҟа а аҟнытә ишҳауз шьақәырӷәӷәоуп. Ацыбжьыҟақәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп аԥсуа бызшәаҿы. Егьырҭ кавказтәи абызшәақәа рҿы еиԥш, аԥсуа бызшәа иаҟазшьоуп акакалатәи, ҩба-ҩбалатәи, хԥа-хԥалатәи асистема змоу аидыларатәии акылааратәи ацыбжьыҟақәа, иԥшқоу, иӷәӷәоу ацыбжьыҟақәа, алабиализациа змоу, измам, аҟырҟытәи, ахәлымшәатәи ацыбжьыҟақәа. Аморфологиа 1868, 2002 шықәсқәа рзы иҭыҵыз аграмматикақәа рҿы ажәаҳәа хәҭақәа рморфологиатә категориақәа, рсемантикатә ҟазшьақәа ихадоу рҷыдарақәа азгәаҭаны, ирыхцәажәоуп. Аморфологиа еиднакылоит абызшәа иалоу ажәақәа зегьы. Аморфологиазы ажәа ихадоу бызшәатә акуп. Раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа еиднакыло ажәақәа зегьы зеиԥш грамматикатә ҵаки, морфологиатә структурала, иара убас ажәаҳәаҿы ахархәарақәа рыла реиҿагыларақәа азгәаҭаны, иалыркаауеит ажәаҳәа хәҭақәа. Абызшәа иалоу ажәақәа зегьы ироуеит аиҿагылара рыҩнуҵҟа рморфологиатә структура алагьы. Убарҭқәа ирҿырԥшны, иалкаахоит зхала иҟоу, ацхыраагӡатә ажәаҳәа хәҭақәа ҳәа. Ажәаҳәа хәҭақәа рахьынтә аҟаҵарба зегьы раҵкыс иуадаҩу ажәаҳәа хәҭоуп. Уи аграмматикатә категориақәа рыла абеиара, аграмматикатә категориа аҩнуҵаҟа ажәаформақәа рырацәара, аграмматикатә категориақәа хылҵшьҭралеи семантикалеи реимадара, аҟаҵарба астатикареи/адинамикреи, афинитреи/аинфинитреи рыла реиҿагылара, аҟаҵарба ахырҿиаареи, аҟаҵарба ажәаформа аԥсахреи еицыназыгӡо аффиксқәа рыҟазаареи – зегьы аҭҵааҩы игәаимҭар зыҟаломызт аҟнытә, аҟаҵарба иазку аусумҭақәа рацәаны иаԥҵоуп. Аҭҵаара аԥхьатәи аетап аҿы зҵаарақәак ирыдҳәаланы еиқәымшәо агәаанагарақәа ыҟазаргьы, ҳазҭагылоу аетап аҿы ҵҩа змам аҟаҵарбатә ажәаформақәа дасу ҭҵаарадыррала анализ рзуны, ииашоу ахцәажәареи аквалификациеи рыҭаны, еихшаны, аҟаҵарбатә системаҿы иахьахәҭоу иргылоуп. Асинтаксис Раԥхьаӡа акәны асинтаксис азҵаарақәа дрыхцәажәоит П. К. Услар «Аԥсуа бызшәа» ҳәа хыс измоу иусумҭаҿы - «Этнографиа Кавказа. Языкознание I. Абхазский язык». Тифлис, 1887. Ихадоу асинтаксистә зҵаарақәа ирыхцәажәоуп Арсҭаа Ш.  Ҟ. , Ҷкадуа Л. П. еиқәдыршәаз ашәҟәаҿы. Абызшәа аҭҵааҩцәа излагәарҭахьоу ала, иуадаҩны еилоу аԥсуа синтаксис аҭҵаара цаԥхас иамоу аҟаҵарба аҷыда еилазаашьа ауп. Иара ӷәӷәала аҟаҵарба аилазашьа иадҳәалоуп. Аԥсуа бызшәаҿы аҟаҵарба асинтаксистә мчхара дара ибеиоуп. Ари абеиара зеидҳәалоу аҟаҵарба аркьынаатә аамҭатә категориақәеи, асубиект-обиекттә еизыҟазаашьақәеи раарԥшышьақәа роуп. Асинтаксис аҭҵаара хықәкы хадас иамоу асинтаксистә еизыҟазаашьақәеи урҭ рморфологиатә категориақәеи раарԥшышьақәа роуп. Иҟоуп имаҷымкәа асинтаксистә еизыҟазаашьақәа аморфологиатә шьаҭа змамгьы. Ажәахырҿиаара Ахьыӡҟа ажәахырҿиаара еиҳараӡак иҟалоит ашьаҭақәа реицҵарала, иара убас ажәахырҿиааратә аффиксқәа рыла, ажәа ашьагәыҭи ашьаҭеи реилаҵарала. Ахьыӡҟақәа рыҟалашьа ҭырҵаауан Габуниа З. М. , Иналиԥа А. И. , Касландзиа В. А. , Хьециа А. Џь. Аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп хыԥхьаӡарала имаҷым, модельла иеиуеиԥшым, акомпозитқәеи ажәеидҳәалақәеи ирыбжьагылоу аҟаларақәа. Урҭ ианкомпозитқәоу – ишьҭырхуеит аҟаҵарба иамоу акатегориақәа зегьы. Алексикологиа Аԥсуа лексикологиа аҭҵаараҿы иҟаҵоу маҷым. Азеипшлексикатә еилазаашьа шьақәгылоуп аԥсуа ажәақәа рыла, убарҭ раӷьырак жәытә-натә аахыс аԥсуа бызшәа иалақәаз роуп. Абызшәа аҿиара аппроцесс абзоурала, имаҷымкәа ирыцлеит ирхылҿиааз ажәақәагьы. Абзазаратә ҽеиҭакрақәеи урҭ ртемпқәеи ирхьыԥшны, алексикатә еилазаашьа есааира ихаҭәаауеит анеологизмқәа рыла. Урҭ реизгара, рыҭҵаара, ҭҵаарадыррала рыхцәажәара, ажәарқәа рацҵара ихадоу аҭыԥ ныркылеит Хьециа А. Џь. ирҿиаратә усураҿы. Игәыгәҭажьым асинонимқәа, антонимқәа, аомонимқәа, аомографқәа реиԥш иҟоу абызшәатә акқәа. Лымкаала иазгәаҭатәуп аԥсуа омонимқәа рызҵаарақәа ирыдҳәалоу Саманба Л. Х. имҩаԥигаз аҭҵаарақәеи иаԥиҵаз ажәари. Алексикографиа Аԥсуа бызшәадырраҿы алексикографиа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Аԥсуа лексикографиа ашьақәгылара иалагоит иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа инадыркны. Аԥхьатәи ажәарқәа реиҳарак атерминқәа ирызкыз аиҭагатә жәарқәа ракәын. Атерминқәа ирызкыз аиҭагатә жәар хәыҷқәа рыла иалагаз аԥсуа лексикографиа, иаҳа-иаҳа аиқәыршәаратә инерциа иацҵо, иалагоит шәагаала ихәыҷым еиуеиԥшым ажәарқәа раԥҵара. Убас 1926 шықәсазы иҭыҵуеит академик Н. И. Марр еиқәиршәаз «Аԥсуа-аурыс жәар»; 1954 ш. – Џьанашьиа Б. П. еиқәиршәаз «Аԥсуа ақырҭуа жәар»; Аԥсуа институт аусзуҩцәа еиқәдыршәеит «Аурыс-аԥсуа жәар». 1986, 1987 шықәсқәа рзы ҩ-томкны иҭыҵуеит аилыркааратә, аиҭагатә «Аԥсуа бызшәа ажәар». Ажәар еиқәдыршәеит Шьаҟрыл К. С. , Конџьариа В. Ҳ. – I атом; Шьаҟрыл К. С. , Конџьариа В. Ҳ. , Ҷкадуа Л. П. – II атом. «Аԥсуа бызшәа ажәар» аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа бызшәадырраҿы. Уи раԥхьатәи аилыркааратә жәаруп. Аиҭагатә жәарқәа рахьынтә «Аԥсуа бызшәа ажәар» иаҵанакуа ажәақәа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳауп. К. С. Шьаҟрыл еиқәиршәаз ажәар апринципқәа рҿы аԥсуа бызшәа аҷыдарақәа иаҳа иазгәаҭоуп, аҳа ихарҭәааны иаарԥшуп аҵакырацәареи асинонимқәеи. Атерминологиа Аԥсуа литературатә бызшәа еиуеиԥшым астильқәа рцәырҵра, рыҿиара ирыбзоураны ишьақәгылеит аԥсуа терминологиа. Иахьатәи аԥсуа бызшәаҿы ахархәара ҭбаа зауз атерминқәа рацәаӡоуп. Урҭ реиҳарак автортә ҟазшьа рымоуп. Ирацәоуп иҭыжьу атерминологиатә жәарқәагьы. Аетимологиа Ажәа ахылҵшьҭра, ажәа раԥхьатәи аҵакы реилкаара ианакәызаалак аинтерес змаз зҵааран. Убас ицәырҵит ажәлартә етимологиа, уи иашьҭанеит аҭҵаарадырратә лексикологиа аҟәша – аетимологиа. Аԥсуа ажәақәа ретимологиа ҳԥылоит еиуепԥшым амонографиақәа рҿы, хазы ирызку астатиақәа рҿы. Аха лымкаала иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа аетимологиатә ҭҵаарақәа иаҳа активла ишымҩаԥысуа атәы. Иҭыҵуеит амонографиақәа, имаҷымкәа астатиақәа. Аҭҵааҩцәа иҳадыргало аетимологиақәа рыҟнытә узықәшаҳаҭхаша рацәоуп. Гәыблиа Р. К. , ажәақәа рыдагьы, ҷыдала иҭылҵаауеит ажәахырҿиааратә, ажәаԥсахратә морфемақәа ретимологиагьы. Афразеологиа Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа даара ибеиоуп афразеологиатә жәеидҳәалагақәа рыла, ахархәара ҭбаа рымоуп ажәлар рцәажәараҿы, урҭ маҷым, еиҳарак автортә ҟазшьа змоу, асахьаркыратә литератураҿгьы. Аԥсуа бызшәа зырбеио, изырԥшӡо, ажәаҳәаҩы иажәаҳәаҿы ицәанырра злааирԥшуа ажәеидҳәалақәа рӷьыра еизганы, Касланӡиа В. А. еиқәиршәоит хаҭашьала еиуеиԥшым афразеологиатә жәарқәа – аилыркааратә, асинонимтә, аиҭагатә. Убарҭ рахьынтә афразеологиатә акқәа рҵакқәа раарԥшреи, ирыцу аиллиустрациақәеи рыла ирылукаартә иҟоуп аилыркааратә жәар. Аономастика Аԥсуа ономастика ахәҭақәа – аетнонимиа, атопонимиа ирыҵаркуа ихадоу аноменклатурақәа алитература ҷыдаҿы иҳәаақәҵоуп еиҿагыло (иаԥсыуои-иаԥсыуами) агәаанагарақәа рыла. Идыруп, иарбанзаалак аимак-аиҿак ӡбахоит уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа рырҵабыргра ала. Урҭ шаԥсыуа ажәақәоу аҭоурыхтә, абызшәатә ҩышьара зҵам аргументқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп Анчабаӡе З. В. , Бӷажәба Хә. С. , Иналиԥа Ш. Д. . Астилистика Иахьазы аԥсуа стилистика иазку аусумҭақәа даара имаҷуп. Иҟам абызшәа астильқәа (ацәажәара-бзазаратә, ацәажәара-поетикатә…), алитературатә бызшәа астильқәа, асахьаркыратә литературатә бызшәа астильқәа теориала иҳәаақәызҵо аусумҭақәа. Абарҭ азҵаарақәа хара имгакәа иҭҵаатәқәоу роуп, иҭызҵаауагьы дазыҟаҵатәуп. 1986 шықәсазы Н. В. Аршбеи С. М. Наҷҟьебиеи иҭрыжьит иҿырԥшыгоу «Дырмит Гәлиа ибызшәа ажәар», уи еиԥшу ажәар аԥхьаҩ уаҳа имоуит. Инарылукааша апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа рбызшәақәа ржәарқәа ихәарҭа дуны иҟалоит аԥсуа литературатә бызшәа арҿиараҿы, аҿар рбызшәа арбеиараҿы, аԥсуа литературатә бызшәа аҿиара аҭоурых аҭҵаараҿы. Иҟоуп аҷыдатә ҟазшьа змоу аусумҭақәа, урҭгьы рхыԥхьаӡара рацәаӡам. Адиалектологиа Азҵаарақәа – Мраҭашәаратәи Кавказ абызшәақәа (аԥсуа, абаза, аедыгь, аҟабарда – черқьез, аубых) шьҭрала реизыҟазаашьа аарԥшра, абызшәатә цәырҵрақәа рҭоурых аилкаара, ажәа, ажәаформа рархетип ашьақәыргылара – кавказтәи абызшәадырраҿы ианакәзаалак ихадоу аҭҵааратә зҵаарақәа шьҭыхуп аԥсуа бызшәадырра аусумҭақәа рыҿгьы. Акатегориа:Аԥсуа бызшәа
37712
https://ab.wikipedia.org/wiki/Риҵатәи_арелиқттә_милаҭтә_парк
Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк
[[Афаил:Greater Ritsa Lake.jpg|мини|329x329пкс|Аӡиа Риҵа]] '''Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк''' ({{lang-ru|Рицинский реликтовый национальный парк}}) — [[Гәдоуҭа араион]] аҟны иҟоу ихьчоу дгьылҵакыроуп. Иаԥҵоуп ашьха ӡиа [[Рыҵа]], иара убас уи иаакәыршаны иҟоу ашьха иамоу афлореи афаунеи рыхьчаразы. ==Аҭоурых== Иаԥҵоуп [[1996]] шықәса [[жьҭаармза 17]] рзы иара убас захьӡу [[1930]] шықәсазы иаԥҵаз аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны. Зеиԥш ыҟам еиуеиԥшым аҳаракырақәа (100&nbsp;м инадыркны 3256&nbsp;м рҟынӡа) аԥсабаратә ҭыԥсахьақәа рыхьчара иазкуп. == Агеографиа == [[Афаил:SmallRitsa.JPG|thumb|Аӡиа Риҵа маҷ|слева]] [[Аԥсны]] ашьхараҟны ишьҭоуп [[Кавказ ду]] аладатәи анаараҟны, [[Ӷьеӷьа]] аӡиас аԥшаҳәеи [[Ԥшыца]] археи рҟынӡа аҵанакуеит. Зҽеиҭнызыԥсахло аҳаракырақәа 100&nbsp;м инадыркны 3256&nbsp;м рҟынӡа ([[Аӷьыԥсҭа]] ашьха аҟынӡа) еиуеиԥшым аҵиааи аԥстәқәеи рыҟазааразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵоит. Аҳәырԥсарраҟны иҟоуп аӡиа ду Рыҵа; иара убас иалукаашақәа иреиуоуп аӡиақәа [[Риҵа маҷ]]и Аӡиа Иаҵәеи (Цхына). Ара иамоуп аӡхыҽҽақәа, еиҳа еицырдыруахь иаҵанакуеит — 70&nbsp;метра аҳаракыра змоу Ӷьеӷьа аӡхыҽҽа. '''Агидрографиа:''' Шьақәгылоуп аӡиасқәа, акарсттә ӡыхьқәа, имаҷу анаҟәоутәқәа аламҵакәа, аӡиақәа хԥа рыла. '''Аҵиаа:''' [[Шамахамзар]], аԥсаҵла-ашәтә бнақәеи ашьхацәҳәырқәеи рҽеиҭныԥсахло ицәырҵуеит. '''Риҵа:''' Асынаҟәоутә-тектоникатә хылҵшьҭра змоу ашьха ӡиоуп. '''Аҳауа:''' Уникалтәуп: Аԥсны аҳауатә зонақәа зегьы рыла ишьақәгылоуп. '''Иуникалтәу агеозона:''' Арелиеф акырӡа аиԥшымзаара амоуп – амшын аҩаӡараҟнытә 100&nbsp;м инадыркны 3,256&nbsp;нызқь&nbsp;м рҟынӡа. === Агеологиатә шьақәгылашьеи, арелиефи адгьыли === Рацәак идуум РАМП адгьылҵакыра аиԥшымзаареи улаԥш зыдхало апеизажи шьақәзыргыло 3000&nbsp;м инареиҳаны изҵазкуа арелиеф ахышәара-ҵышәареи амҽхаки роуп. Ари аҭыԥ амшын аҩаӡаракынтә аҳаракыра 107&nbsp;м рҟынӡа ыҟоуп Аӡиа иаҵәаҟны, зегь раасҭа иҳараку Аӷьыԥсҭа ақәцә - 3256&nbsp;м артәоит. Ара ашьха ҳаракқәа аԥсҭа ҵаулақәеи аҩхаа ҭшәаррақәеи Здесь высокие горы сочетаются  с глубокими ущельями и узкими мрачными каньонами. Абна иаҵәақәа ирыгәҭылаку ацаҟьа бааԥсқәа, ашьха ӡиақәа иаҵәҟаҟараӡа, саркьаҵас иказказуа илеиуа аӡиасқәа, ашьха шлақәа рымҵан ишьҭоу альпиатәи адәҳәыԥшқәа рыҟны изызҳауа хкырацәала ашәҭқәа – ари зегьы абаразы арахь иашьҭаланы иаауеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Арелиеф ауп ашьхатәылақәа рыҟны аландшафт шьақәзыргыло. РАМП адгьылҵакыра аҩадахьала, ишазгәаҭаз еиԥш, ишьҭоуп Кавказтәи ашьха хада аика – Ажара 2907&nbsp;м рҟынӡа иҳаракуп. Уи шьақәгылоуп ажәытәӡатәи кебриинӡатәии палеозоитәи ажәлақәа – ашьхахаҳәқәа – иахәоуи иҟаԥшьуи, ашьхаҳәжәла - габбро, иҵәцашлыху асыпи, ҭыԥқәак рыҟны амармалташь саркьақәа (Лашԥсы аӡиас ахьыҵыҵуа ахаҿы) – Кавказ дуи уи ахәы ҳаракыра Ахаҳәраҿи (Ахаҳә Аӷәра, 2473&nbsp;м). Арҭ ажәлақәа ӷәӷәақәоуп азы ара ашьхақәа рикақәа ҵарқәоуп. Ациркқәа, иҿаԥыҟҟоу ашьхакаршәрақәа, рыҵақәа ихҵаалаз ижәытәӡоу анаҟәоуқәа рыла ишьақәгылоуп. Ажәытәӡатәи ациркқәа лассы-лассы иуԥылоит аӡиақәа, иаҳҳәап Ажаратәи иара убас Ахаҳәра аҩадатәи анаараҿы. Ихадоу Кавказ ашьха иаваршәны инеиуеит арелиеф аҟны ибзианы иубарҭоу аӡиасқәа Ауадҳәареи, Мзымнеи, Лашԥси рхахьы ишьҭоу иазыхәхәоу акаршәра. Уи еиҳарак нышәаԥшьлеи, џьара-џьара аспиддтә сыԥсалеи, атуфогентә конгломерат ҿыгҳара злоу атуфогентә ԥслымӡи рыла иеилоуп. Арҭ итатоу ажәлақәа рыла ишьақәгылоуп Ауадҳәареи, Мзымнеи, Лашԥси акаршәрақәа рыҟны аладатәи анаарақәеи ахыҵырҭақәа Кәытихәы (2072м), Чҳа (2035м). Иҵегьы лбаа, Кавказ хада ахыҵырҭеи уи иаваршәны ицо акаршәреи ирывагылоуп Аӷьыԥсҭа аика ҳаракы (3256м) – Аҵатәыкәа (2538) Чҳа (2697м). Арҭ ашьхеибаркырақәа, Кавказ хадеиԥш, арелиеф альпиатә формақәоуп ирымоу, уаҩ дахьзымнеиуа анаарақәа, ажәытәӡатәи анаҟәоуқәа – акаршәра ҭакнаҳақәа, аҿаҟәарсҭақәеи, ажәытәӡатәи анаҟәоутә ҭаҳарақәеи рыла иеибаркуп. Аҭаҳарақәа рыҟны џьара-џьара аӡиақәа амоуп, иаҳҳәап Ацеҭыкәа ашьха аҩадатәи ахәаҿы иамоуп аӡиа Мзы, Чҳа ашьха аҩадатәахьтәи ахәы . Аӷьыԥсҭа ашьха аҩадатәи ахәаҿы, уи шьҭа Аԥсны аҳәаа анҭыҵ иеиқәханы иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазтәи анаҟәоу. Аҵатәыкәа ашьха аладатәи ахәы бааԥсқәа ҿахҵәоит аӡиа Риҵа илбаанӡа, Чҳа аладатәи ахәқәа Пшыца аӡахьы илбаанӡа. Аладаҟа лбаа аӡиас Гьаӷьеи – Аӷьыԥсҭеи – Риҵа Хәыҷи Риҵа Дуи ахьеилало – аӡ. Ԥшыца ахаҿы Кавказ Хада иаваршәны ицоит ииуртәи акьыртә цәаҳәа, уи ауп РАМП адгыьлҵакыра аладатәи аган зегьы злашьақәгылоу. Арҭ ажәлақәа рыла иебаркуп иара убас Ԥшьегьешьха  (2226м), массив Арихәа (Арттара, 2377м) и массив Лакрдызҭоу (2144м). Аҵыхәтәантәиқәа аҩбагьы аӡ. Бзыԥ ахаҿы иҿахҵәоит. Ԥшьагьешьха аӡ. Риҵа аҭаҳараҿы, мрагыларахьала аӡ. Ҩԥшараҟны, мраҭашәараҟны аӡ. Ӷьаӷьаҟны. Арҭ ашьхақәа рықәцәқәа хыгьежьааны, рацәак иҵарӡам, цаҟьабааԥсқәаны илеиуеит.Алышәшәақәа ирылҵыз акарбонаттә жәлақәаны иҟоу акьыртәқәа, амшын аҵаҿы ишьақәгылаз, нас шьхашьақәгыларатә процессқәа рыла иҳаракӡаны ишьҭыҵыз ирҷыдаҟазшьоуп акарсттә працессқәеи урҭ ирҟазшьоу арелиефтә формақәеи. Ара, шамахамзар, иамоуп аҩхаақәа, аҭыжаарҭа, аҵеџьқәа, аҩхаақәеи дара ашьхақәеи рҭыӡқәа рыҟны аҳаԥқәа. Арҭ зегьы рацәоуп РАМП аладатәи азбжаҿы. Абас иҟоуп акарсттә-ттектоникатә хылҵшьҭра змоу аӡ.Ӷьаӷьа, Ҩыԥшара, Бзыԥ аҩхаақәа. Аӡ. Бзыԥ аҩхаа зегьы иреиҳауп, уи уҭысыртә иҟам аладатәи аганахь еиԥш иара аӡы уаваланы уцозаргьы. Арҭ аҽазышәарақәа ирыхҟьаны акымкәа арыцҳарақәы ҟалахьеит. Ҭыԥқәак рыҟны аҩхаа убас иҭшәоуп, иагьыҵаулоуп, џьарак аӡы ахыхь 80 м аҳаракыраҟны иҿыбгаз анаарақәа ахьҭаҳаз аҭыԥ аҟны Ахахьца. ацҳа шьақәгылеит. Ари аҭыԥ инацәыхарамкәа иҟоуп зыда ыҟам археологиатә ԥшаахқәа ахьаарԥшыз Ԥшыцатәи аҳаԥы. Акыриҭшәоуп иагьыҵаулоуп Ҩыԥшара аҩхаа иҭысны ицо Риҵаҟа ихоу амҩа. Убас иҟоуп аӡ. Ӷьаӷьа аҩхаагьы, еиҳаракгьы Гьаӷьа аӡхыҽҽа аҭыԥаҟны. Ари карсттә ӡыхьуп, Гагратәи акьыртә ацаҟьа аҭӡаҟнытә 55 м. аҳаракыраҟнытә илбааҟьаны илеиуеит. РАМП ари аҭыԥ аҟны адгьылаҵатә агидросистема абеиара атәы аҳәоит Ҩыԥшаратәии Ӷьаӷьатәи аҩхаақәа рҭыӡқәа рыҟнытә илбааҟьо хыԥхьаӡара рацәала акарсттә ӡыхьқәа, аӡ. Ҩыԥшара адгьылаҵатәи аӡышьҭреи Аӡиа иаҵәа аҵаулараҟны иалало акарсттә ӡыхь. Акарсттә хылҵшьҭроуп иамоу аӡ. Риҵа Маҷгьы. Абасала, РАМП адгьылҵакыраҿы иалукаауеит акыр идуу орографиатә акрақәа: #Аӡеиҩызшо Кавказтәи ашьха хада аика. #Арҭ ахыҵырҭақәа еиҩызшо аӡиасқәа Мзымна, Ауадҳара,Лашыԥсы рхыхь ишьҭоу акаршәра. #Арелиеф аҟны Риҵа Маҷ анаҩс иҟоу Лашыԥсы акаршәра иамоу аӡиа Риҵа ду аҭаҳара, мрагыларахьала Чмақәиҭархырҭа абжьысырҭаҟнытә аӡиас Ԥшыц арыӷьарахьтәи аганахь. #Ԥшегьишьха, Арыхәа, Лакрӡысҭоу абнара акьырцәаҳәа. Иазгәаҭоу РАМП адгьылҵакыра орографиатә акрақәа реиԥш, кавказтәи арелиеф аҟны иалкаауп азеиԥшкавказтә хырхарҭа змоу атектоникатә еиҟәыжәжәарақәа рцәаҳәақәа ирыбзоураны, убарҭ ирылҵит Ауадҳаратәи аминералтә ӡыхьқәа рцәырҵра, егьи, аладахьтәи, Ԥшьегьышьха аимаҳара иахҟьаны ишьақәгылаз аӡиақәа Имаҷуи Идуи Риҵа, иара убас аӡ. Лашԥсы акаршәрақәа рыҟны иҵыҵыуа аминералтә ӡыхьқәа. Хыхь иазгәаҭоу ала РАМП иаҵанакуа аҟны иазгәаҭазар ҟалоит арелиеф агенетикатә типқәа: * атектоникатә, * глиациальтә, * аӡы-ерозиатәи аӡы--аккумулятивтәи, * екзотектоникатә, * акарстттә. РАМП анышә хҟьа амаҟа аҳаракыра иахьыԥшуп, иара убас уи иаҵоу ашьха жәлақәа зеиԥшроу еиԥш ауп иаргьы шыҟоу. Аладатәи аган аҿы акьыр аҟны аилабааратә-карбонаттә нышә шьҭоуп. Аҩадаҟа анышә еиқәароуп, апорфириттә ег ьырҭ авулкантәи алышәшәатә жәлақәеи рыла ишьақәгылоуп, иара убас Ауадҳареи, Лашԥси, Мзымнеи. Хыхьҟа 1800-2000м инархыганы ишьҭоуп ашьха-дәҳәыԥштә, аллювиалтә, аӡбааррақәа рыҟны ашьхаторфтә нышәуп иҟоу, зынӡа иҳаракӡоу аикақәа рыҟны абаҩтә, ахаҳәтә, ахаҳәссатә нышәуп альпиатәи аҵиаақәа ирыҵоу. ==Риҵатәи Арелиқттә милаҭтә парк аҭыԥ ҷыдақәа== ===Цәҳәына аӡыжь=== Цәҳәына аӡыжь Цәҳәына ашьха ашьапаҿы ишьҭоуп амшын ақәыԥшыларантә 107 м аҳаракыраҟны. Бзыԥ аӡиас аԥшаҳәаҿы. Аӡиа карсҭтә хылҵшьҭроуп иамоу. Ишьақәгылоуп адгьыл иҵыҵуа аӡқәеи атмосфератә лышәшәақәеи рыла. 16-20 м аура амоуп, аҭбаара 1-12 м, аҵаулара - 49 м рҟынӡа илаӡоит, аҵакыра – 200 м2 артәоит. Аӡиа хыхьтәи аӡы аԥхарра +5 +7°С ыҟоуп. Аӡиа жәҩангәыԥштәуп иамоу – ари аԥштәы аҵаулареи ианыҷҷало амра ашәахәақәеи иҟарҵоит. Аӡиа ахьыхь, иахагылоу акыӡӷырақәа ирымоуп зеиуа хкы маҷу аҵиаа хкы ­– ашхаҳаршьыл. ===Ӷьаӷьа арҩаш=== Ӷьаӷьа арҩаш – карсттә ӡыхьуп. Гагратәи ашьхеибаркыра ашьхаҿыгақәа ирыҵыҵуеит, Ӷьаӷьа аӡиас арыӷьарахьтәи аган ала, 530 м аҳаракыраҟнытә илбаауеит. Ашьхаҿыга аҳаракыра - 55 м. ыҟоуп, акылҳара 315 м. инаӡоит, арҩаш 16-20 м. аура амоуп. ӷьаӷьа аӡы аԥхарра аӡын +7,5, нанҳәамзазы +12.5 рҟынӡа ыҟоуп. Аӡиас ӷьаӷьеи Гьаӷьа арҩаш акьыртә кыӡӷқәеи рыбжьара адунеи аҿы уаҳа џьаргьы иуԥымло аҵиаақәа ирызҳауеит - водосбор гегский и аннея ястребинковая. ===Ҩыԥсаратәи аҩхаа=== Ҩыԥсаратәи аҩхаа амшын қәыԥшылараҟнытә 450 м аҳаракыраҟны иҟоуп. Ишьақәгылеит акьыртә ҿыгҳарақәа реиҟәшареи рышьҭыҵреи иабзоураны. Аҩхаа аура 400 м инаӡоит. Ашьарсҭақәа ҭыԥқәак рыҟны 30 метра рҟынӡа иҟоу, изырҵаулаз аӡиас ауп. Аҩхааҟны иуԥылоит зеиуахкы маҷу аҵиаақәа: горечавка бзыԥтәи, ӷьеӷьатәи аӡеизга. ===Аӡиа Рыҵа=== Аӡиа Рыҵа - аӡиасқәа Лашԥси Ҩыԥсареи рыԥшаҳәаҿы, амшын қәыԥшылараҟнытә 884 м. аҳаракыраҟны ишьҭоуп. «Рыҵа» ахьӡ «ашьха рыҵа», «ашьха ашьапы» аҟнытә иаауеит. Аӡиа аҩадала иахагылоуп ашьхақәа Аӷьыԥсҭеи – 3256 м иҳараку; Аҵыҭәақәи – 2538 м аҳаракыра змоу, аладахьҟала илбаауеит бнала ихҟьоу ашьхаҿыгақәа рыла еибарку Арихәа, мраҭашәарахьала игылоуп Ԥшахәышьха ашьха ацаҟьа еиқәа нырҳақәа - 2226 м аҳаракыра змоу. Аӡиа - тектоникатә хылҵшьҭроуп иамоу. Аӡы қәыԥшылара амҽхак иартәоит 1,27 км2. Аӡиа аҵаулара 116 м илбаауеит. Аӡиа алада-мраҭашәарантә аҩада-мрагыларахьҟа аҽеиҵыхны иаауеит. Аура 2490 м ыҟоуп, аҭбаара – 270 м инаркны 870 м рҟынӡа. Аԥшаҳәа ацәаҳәа аура 6,25 км инаӡоит. Аӡы аԥхарра хыхьынтә аладаҟа иаразнак иагхо иалагоит. Нанҳәамзазы хыхьтәи аӡы аҿыгҳарақәа +22°С., аҟынӡа иԥхоит, жәабранмзазы +3°С рҟынӡа ихьшәашәоит. Аӡиа иҭоу аӡы аҵаҟатәи аԥсабаратә ԥхарра иамоу аҽаԥсахӡом, +5°С артәоит. Аӡынра аныӷәӷәоу аӡиа аныхҵаало ҟалоит. Ара иамоуп аӡиас калмаҳа, аӡыжьԥсыӡ уҳәа уб.егь. == Аминералтә ӡыхь == Аминералтә ӡыхь Ауадҳара - 1650 м аҳаракыраҟны иҟоуп. Ареспубликаҟны иҟоу ихадароу аԥсабаратә беиарақәа ируакуп. Аӡы ԥсабаратәуп, агаз змоу агидрокарбонат класс иатәу агидрокарбонаттә-арацәаҵәыҵәы-натритә- аҳәынаԥшьыга злоу агәыԥ иаҵанакуа аминералтә ӡқәа иреиуоуп. Ауадҳаратәи аминералтә ӡы аца-кьатеитә мҩаду илаҽу ачымазарақәа рзы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. == Аԥсабара == Колхьида – Аҩадатәи дгьылкәымпылбжаҿы иҟоу арефугиум (аԥхьакырҭа) дуқәа ируакуп. Уахь иаҵанакуеит РАМП. РАМП аҵиаа атипқәа рахьтә ихадараны аҳра зуа ҳәа иԥхьаӡоуп абнатә мезофилтә, ашьхацәҳәыраҵаҟатәи, ажәытәӡатәи аҵиаа аҷыдарақәак змоу ашьхацәҳәыратәи. Колхьидатәи аҵиаа еиҳарак излашьақәгылоу иалкаау аԥсабара-ҳауатә ҷыдарақәа ирыбзоураны ицәырҵыз амезофилтә ҵиаақәа арелиқттә (ижәытәӡатәу) хкқәа рылоуп. Колхьида иахәҭакны иалоу РАМП иаҷыдаҟазшьаны иҟоуп аладатәи аҳәаа инаркны амезофилтә бнатәи ашьхадәҳәыԥштәи ҵиаалеи ахҟьара. Аҵиаақәа рмезофилтәра анаарақәа злашьақәгылоу, арелиеф, анышәи еимадоуп, урҭ зеиԥшроу еиԥш ауп иаргьы аҩаӡара шыҟоу. Ажәытәӡатәи аҵааршәырақәа РАМП аҵиаақәа анырра ӷәӷәаны ирырҭеит. Аҵааршәыратә аамҭақәа раан ахьҭа бааԥсқәа шыҟазгьы РАМП аҟны иеиқәхеит аԥхарра зҭаху аҩада-ажәытәӡатәи аҵиаақәа реиҳарак. РАМП ари аҭыԥ аҟны ада даҽаџьара иуԥымло агәыԥқәеи, иара убас ара, ҭыԥк аҟны ада даҽаџьара иҟам аҵиаақәеи рыла ишьақәгылоу иуникалтәу ԥсабаратә комплексуп. Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,6% роуп иаҵанакуа, аха РАМП аҟны иҟоуп 900 ҵиаа хкы рыҟнытә 70% иреиҵамкәа ҵиаахкы, ари Кавказ иҟоу аҵиаақәа зегьы рыҟны 13% артәоит. РАМП аҵла-чықьтә ҵиаақәа 120 хкы инареиҳаны иамоуп. Аладатәи абнатә маҟаҟны аҵлатәқәа рахьтә иеиҳауп абӷьы зҿало ажәлақәа, ахьаца кавказтәи, ахьараџь мрагыларатәи, аџь ибериатәи, ашә мрагыларатәи, каркас аладатәи, араш, ачамҳаҵла. Аҵлақәеи ачықьқәеи рахьтә иҟоуп ашымҳа, адыӷаџьа колхидатәи, ашыц колхидатәи, еиҳаракгьы, аӡхықәқәа рыҟны ахахәтә кьыртә хәқәа рҿы. Аҩадатәи абнатә маҟаҟны еиҳа ирацәоуп агәырбӷьыҵлақәа: аԥса ҵла, аԥсаӡ мрагыларатәи. РАМП аҵла-чықьтә ҵиаақәа рыҩныҵҟа иҟоуп имаҷымкәа колхидатәи аендемикқәа: адыӷаџьа колхидатәи, ашәшь колхидатәи, ашыц колхидатәи, ашьхарпаҿ кавказтәи, амҿыш мигариитәи, колхидатәи, акадифа иеиԥшу, ицәышәшәу, акампы́р, ахәажә уб.егь. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи А ашьхацәҳәыратәи амаҟаҟны иеиқәханы иҟоуп иара убас арелиқттә гәыԥқәа шьақәзыргыло ажәытәӡатәи аҵиаа хкқәа маҷымкәа, иаҳҳәап, Али́лиа (ашьханаша), аисыр мамзаргьы амшаԥышәҭ (абаииа). Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит ашьхардац хкқәа, аҟәышәҭы́н, аҳәа́шьҭа шәҭы, адәышәҭқәа уҳәа уб.иҵ. === Абна ҵиақәа === Ибеиоу РАМП аҵиаақәа шьақәгылоуп, шамахамзар, аԥса-ашә бнареи адәҳәыԥшқәеи рыла. РАМП 78,5% бнала ихҟьоуп, убри аан еиҳауп аԥсареи ашә бнеи. Егьырҭ аџьра, аԥсара, аԥсаӡ ҵлақәа, ажара, анҷа ҵлақәа, ахьацара, алра, аҵааҵлақәа, аҭәаҵлақәа абнақәа ирыҵаркуа маҷуп. Ирацәаӡам иара убас ашыц иахьазҳауа абнақәагьы. Абнақәа рыҟнытә абнакәазақәа 26 % роуп иҟоу.Анаарақәа аладатәи рган хҟьоуп ззыбӷьы ҟьаҟьоу абнақәа рыла: ахьара, аџьра, ажара, анҷа, амҿыш, алра уҳәа уб. егь. абна хкқәа рыла. Зыбӷьы каԥсои еснагь ииаҵәоу ажәытәӡатәи ахԥатәи аамҭахҵәаха иаҵанакуа ачықьқәа: ахәажә, ахәшәтә шымҳәа, ажьынҵәры́, ады́ӷаџьа, аҽадқәыц, ахәажә ҩеижь аасра жәпаны игылоит. Абна аладатәи амаҟа (300 м ин. 600 - 700 м рҟынӡа амш. аҩ. аҟнытә) шьақәгылоуп иеилаԥсоу асубтропикатә бнақәа рыла, Ҩыԥшара аҩхаа иаваршәны ирызҳауеит, рацәакгьы рыҵаркӡом. Ара ахаҳәреи акарбонаттә нышәи рыҟны игылоит даҽакы иаламҩашьо аҵиаа. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа, ашәшьырақәа рыҟны ашыц дуқәа гылоит ҵыҭәала ихҟьаны. Ацаҟьа ҟьантазқәа ирықәиаауеит уарла-шәарла иуԥыло ашьхадәыкрын, аҟәышәҭын, ацаҟьақәа рхыхьынтә ашәшь ҟарма лбаауеит. Аӡиасқәа Гьаӷьеи Ҩыԥшареи рыӡхықәқәа рыҟны акьыртә цаҟьа ҭакнаҳақәа ирықәиаауеит аԥсаӡ цлақәа, аа ҵлақәа, анҷа, ашыц, ашымҳа. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа ацаҟьақәа иеиуеиԥшым ашыцламшә хкқәа рыла ихҟьоуп. Даҽакы иаламҩашьо иҟоуп амш. аҩ. аҟн. 300-500 м иҳараку ацаҟьа ҭакнаҳақәа рформа змоу Ҩыԥшаратәи аҩхаа аҵиаақәа. Ара иҟоуп даҽаџьара иуԥымло ацаҟьеи аӡхықәтәии аҵиаа хкқәа. Хыхьынтәи ихьынҳалоу ашәшь аҟарма ацаҟьа аҭакнаҳарақәеи урҭ ирымоу аҳаԥқәеи дырхиоит. Ашыц ҵлақәак 400 - 500, 600 шықәса рҟынӡа рхыҵуеит, ргәыцәқәа рышәпара 24 - 26 см ыҟоуп, ргылара 12 - 14 м. Ашыц агәыцәи амахәқәеи аепифиттә шыцламшәқәа рықәҵәиаашаны иҟоуп, уи амҵан анышә ақәыц змоу ацәлаа ала ихҟьоуп. Ҷыдала зҿлымҳара зуҭаша акоуп аӡиас Бзыԥ аҩхаа мраҭашәаратәи анаараҿы изызҳауа аҷархана ҵлақәа рыла ишьақәгылоу абнара. Уи агәыцә ҟаԥшьқәа рылубаауеит акьыртә хаҳә дуқәеи аԥсареи иахьылагылоу. Ара иҟоу амикроҳауа аҷыдарақәа реинаалара иабзоураны амра зкыдыԥхало анаара аҩхаа ҵаулаҿы иазҳауеит амшынҿықәтәи арелиқт. Аҩадаҟа ашьха ашьапаҿы ишьҭоу абнақәа рнаҩс игылоит ашә бнақәа. Урҭ рыҩныҵҟа лассы-лассы даара ирылшо рацәоуп анҷаҵла налаԥсо ахьареи ахьацареи, аҭәаҵла, иахьцәаакыроу аҭыԥқәа рыҟны ал ҵлақәа. Ари аҭыԥ аҟны ибзина иҿиот есқьынгьы ииаҵәоу авҵиаа бна. Амш. аҩ. аҟн. 600-800 м аҳаракыраҟны иеиҳа ирацәоуп ашә бнара, иҵегьы аҩадаҟа ирызҳауеит аԥса ҵлақәа. Ашә бна цқьа гылоит еиҳарак ицәаакыроу аҩадатәи ахәқәа рыҟны. Акьыртә бахәқәа амш. аҳ. аҟн. 1000-1100 м аҳаракыраҟны аԥсақәа рыла ихҟьоуп, џьара-џьара аԥсаҵла хәыҷқәа ирымырдоит. Хыхьынтә 1100-1200 м аҳаракыраҟнытә аладаҟа ашә иалаԥсо иалагоит аԥсаӡи, аԥса ҵлеи, агәырбӷьыҵла еиқәарақәа шьақәыргыло, ус ишнеиуа аԥсаӡ есааира аҽарҭбаауа иалагоит. 1500-1600 м аҳаракыраҟны лассы-лассы иуԥылоит аԥса ҵла мацарала ишьақәгылоу абна, 1700 м аҳаракыраҟны уи анаҩсгьы абнара еиҳарак ашә ҵлақәеи абԥса ҵлақәеи рыла иеилоуп. Наҟ аҩада 1700 м аҳаракыраҟны анаара цәгьақәа икьаҿу аҵлақәа мамзаргьы аҵааҵлақәеи адгьыл иқәҳәазо ачықьқәа – ашымҳа хәшәы уҳәа уб. егь. рыла ишьақәгылоу аасра ихнаҟьоит. Аҿыбгарақәа лассы-лассы иахьыҟало аҵлақәеи ачықьқәеи зынӡа иҟаӡам, ҭыԥқәак рыҟны анышә ҳәазоит аҟнытә, уа анышә шьақәзыргыло ажәлақәа цәырҵуеит. Асы андәықәлалак, шамахамзар, аҩхаақәа, агәаҩарақәа рахь илбаауеит, ара асқәа еицыланы, рҽеизакны акыраамҭа ишьҭахоит. Абри иахҟьаны агәаҩарақәа рыҟны абнақәа ирыҵагылоит ашьхаҳаракыратә, еиҳаракгьы ашьхацәҳәыратә ҵиаақәа. Ас еиԥш иҟоу агәаҩарақәа “аинверсиатқәа” ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ уԥылоит Лашԥсы аҩхааҟны, Аҵатәықәа ахәқәеи Аџарра аикеи рыҟны. Ашьха бнара аҩадатәи аҳәаа амш. аҩ. аҟн. 1700-2400 м аҳаракыра рыбжьара ишьҭоуп. Ашьха акалҭ нахыс кавказтәи ахәажә гылоит, аҩадаҟа уи аҭыԥан иуԥылоит ашьхацәҳәыратәи ахәажәра, уи нахыс аҩада ашьхацәҳәыраҵаҟатәи ахәажәра гылоит, урҭ рҭыԥан амш. аҩ. аҟн. 2000-2500м аҳаракыраҟны ицәырҵуеит ашьхацәҳәыратәи аҳаскьынкьаҿқәа рыдәҳәыԥшқәа, ахаҳәеиқәҵақәеи, аԥали. ===Алра=== Ал бнара РАМП адгьылҵакыраҟны х-хкыкны иазҳауеит: аԥаҵа змоу ал, ал еиқәаҵәа, ал цәыш абна. Аԥаҵа змоу алреи, алра еиқәаҵәеи еиҳарак иахьырацәоу аӡхықәқәа рыҟноуп. Урҭ ахьыҿио алыкь ахьеизо аҭыԥ цәаакырақәа рыҟноуп. Алра анаалоит аӡиас Лашԥсы аҩхаа ахьыҭбаау аҭыԥқәа рыҟны, амш. аҩаӡ. 1600 м ихаланы. Иаҳа иахьцәаакыроу, иахьыхьшәашәароу абна акалҭқәа рыҟны, алқәа ахьаҿагылоу анаараҿы иуԥылоит аҳаскьын ҵиаақәа реихагыла-еиҵагыларақәа. Ал бнақәа рыҵаҟа еиҳа лассы-лассы иуԥылоит аҭырас астраусԥшра змоу, урҭ узрылымсуа ижәпаны иауны игылоит. Иеизааигәаӡаны игылоу алҵлақәа рыла ишьақәгылоу абнақәа ашә-аԥсаӡ бнақәа рылало иахьалаго аҭыԥ аҟны ицәырҵуеит ашә, аԥсаӡ, анҷа, араш ҵлақәа. Араҟагьы урҭ рыҵа ҳаскьынла иахьыхҟьоу, астраус ҭырас еиҳа ирацәоуп. Ацәаакыра агхацыԥхьаӡа ашәи аԥсаӡи еиҳа лассы-лассы иуԥыло иалагоит, астраус ҭырас еиҳа имаҷхоит, аха есааира иуԥыло иалагоит ацәырас, аҳәамҳәа ахәшә, иасменник афҩыхаа, ҵы́кә ихәшә (герань), амахәшәыга, уҳәа уб.егь. Ал бнара аӡхықәқәа рхахьы лассы-лассы иуԥылаӡом, аҵлақәа кьаҿуп. Урҭ рыҵаҟа, еиҳа алашара ахьыҟоу аҭыԥқәа рыҟны аҳаскьын ду гылоит, алада мыцхәы иахьцәаакыроу абаарра дәҳәыԥшқәа шьақәгылоит. Ал бнара гылоит асқәа рлеира иахҟьаны адгьыл ахқәацәаарақәа рыҟны. Анаҩс уи алра аҭыԥ ааныркылоит ара аԥсаӡ, ашә, анҷа. Ал цәыш абнара уԥылоит абжьаратә-хыхьтә маҟаҟны (1000-1600 амш.аҩ. аҟн.). Згәыцәқәа ҳараку аӡхықәҵлақәа ииуеит аӡиас Бзыԥ ахьлеиуа аладатәи аганахь. Цәаҳәақәак уԥылоит аӡхықәқәа рыҟны, урҭ реиҳарак акакала ма гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы ирацәамкәа игылоит. Алра гылоит, шамахамзар, анышә мыцхәы иахьцәааку, аӡышьҭрақәа ирываршәны, егьырҭ аҵлажәлақәа – ашә, аԥсаӡ ҵлақәа ахьанымаало аҭыԥқәа рыҟны. Арҭ абнақәа раԥхьа иргыланы аӡхықәқәа дырӷәӷәоит, иҿымбгаларц азы ирыцхраауеит. ===Ахьацареи ахьацеи аџьи рыла ишьақәгылоу ахьацара=== Ахьацара шьақәгылоит ахьеи, ашәи, аџь ҵлақәеи рыла иеилаԥсаны. Ари әа ажәла ахьанаало аҭыԥқәа рацәоуп. Еиҳа иугәаланаршәоит абжьынҵи ақьари. Ахьаца амацара иахьгылоу иаҵанакуа аҭыԥ маҷуп. Аӡиас ӷьаӷьа ақә аҟнытә аҩада акьыртә хәқәа рыҟны аџьтә-ахьацатә бнара иазҳауеит, уигь хыхьҟа аӡхықәқәа рыҟны ахьаца иаҳа ишеиҳаугьы иеилаԥсоу абнара гылоит, нас уигьы ашәтә-ахьацатә бнақәа рышҟа ииасуеит. ӷьаӷьатәи аҩхааҟны алашара ахьацәмаҷ у аҭыԥқәа рыҟны иазгәаҭоуп: ахьаца, аҭәаҵла, амҿыш, араш, анҷа. Аџь-ахьаца бнара аҩныҵҟа (200-400 м амш. аҩ. аҟн.) амзаҵла иацны аҿыбгарсҭақәеи рыҟны аӡиас Бзыԥ 2-3 км иаваршәны иазҳауеит аҵыҵындра ҵла. Аџьтә-ахьацатә бнара ачықьқәеи аҟармеи рахьтә иуԥылоит: аскумпиа, алымшәӡахәа́, аџьмарӡы́ӡыш. Игылоу аҳаскьын шьақәгылоуп еиҳарак сеслериа ҭагалантәи, аԥшьра а́хәшә... Ацаҟьақәа шамахамзар иуԥымло, даҽаџьара иуԥымло ахкқәа рымоуп: бзыԥтәи аҵыбра, ашәеры́ӡыӡ ===Амзара=== Кавказ иуԥыло амзаҵла хкқәа 5 рахьтә, РАМП иаҵанакуа аҭыԥҵакыраҟны изызҳауа хкык ауп – амзаҵла. Уи иамҽханакуеит  11,5 нызқь га раҟара. РАМП аҳәаақәа рыҟны иалкааны амзаҵла ахала иахьазҳауа абнара гылаӡом.   Иазҳауеит абна абжьаратәи аҩадатәи амаҟаҟны амш. аҩ. аҟн. 300 ин. 2200 м рҟынӡа, акыӡӷырақәа рыҟны, ахаҳәтә ҿыбгарсҭақәа рыҟны, аӡхықәқәа рыҟны. Амзаҵла абна дуқәа азгәаҭоуп Риҵа Ду алада-мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҿы, Ԥшьагьашьха мрагыларатәи акыӡӷыраҟны, насгьы Ҩыԥшара аӡ. аҩхааҟны. Амзаҵла гәыԥ хәыҷқәаны иуԥылоит Ӷьаӷьеи Ҩыԥшареи еиҩызшо акыӡӷқәа рыҟны иахьеилало аҭыԥ 2-3 км инахыкны аҟны амш. аҩ. аҟн. 400 ин. 600 м рҟынӡа аҳаракыраҟны, иара убас Бзыԥ аӡиас арӷьарахьтәи аӡхықә алада-мрагыларатәи ахәаҟны Ӷьаӷьа иахьалало аҭыԥ инахыкны. Амзаҵлақәа ара анаарақәа ирҿагылоуп егьырҭ аҵла жәлақәа ахьзымгыло ахаҳәрақәа рыҟны, абӷанҷ злоу анышә аҟны. Ара зҽеиҵыхны иҟоу қәрала иеиԥшым амзаҵлақәа еилагылоуп, анаара бааԥсқәа ирҿагылоуп зҽеидыԥсаланы иҟоу иеиқәлацәоу амзаҵлақәа. Амзаҵлеи аҵааҵлеи анаҟәоутә ҭыԥқәа рыҟны, анышә ахьыҟам аҭыԥқәа зегь раԥхьаӡа массала аҿиара иалагаз ҵла жәлақәоуп. Амзаҵл ахьҭа зычҳауа, алашара зҭаху, аха аԥхарра рацәак иашьҭам ҵла жәлоуп. Убри аҟнытә аҵла ҵиаақәа иахьрызҳауа хыхьтәи ашьхацәҳәыра аҳәаа аҟынӡа инаӡоит. Дара ихадоу х-гәыԥк рыла иушар ҟалоит: иҩоу амзаҵлақәа мамзаргьы ахра еибаркырақәа ирықәиаауа, аҳаскьынхкқәа змоуи, авҵиаа змоуи амзаҵлақәа ҳәа. РАМП амзаҵлақәа зеиԥш ыҟам ԥсабаратә шьақәгыларақәоуп, релиқттә ценозақәоуп (гәыԥқәоуп). Урҭ аҵиаа аизҳара иахьалахәу абнақәа рзеиԥш ландшафт аҟазшьа ҷыдарақәаки аиԥшымзаареи аланагалоит. Ашәтә-аԥсаратә бнара аизадара иаҿурԥшуазар амзара апеизаж ԥшӡа шьақәнаргылоит. === Аԥсареи ашәтә-аԥсаҵлатә бнақәеи === РАМП аҵиаа шьақәгыларақәа рахьтә иалукаартә иҟоуп аԥса ҵлақәеи ашә-аԥсаҵла бнақәа. Урҭ еиҳарак иахьҿио амш. аҩ. аҟн.800-1600 м аҳаракырақәа рыҟноуп, аха гәыԥқәак 300 м раҟара алада илбааны игылоит, иагьхалоит амш. аҩ. аҟн. 2200 м рҟынӡа. Арҭ абнақәа рыҟны иҳаракырахацыԥхьаӡа ашәҵлақәа еиҳа имаҷхоит. Аԥсаӡ ҵла (анхьча) аԥсарақәа рыҟны анышә иаҳа иахьыԥсыҽу ахаҳәраҟны иазҳауеит, ара аԥсаҵла аҿиара ацәыуадауп. Аԥсара заалыҵ (зымусҭа) ҳараку бноуп, 1га аҟны бжьаратәла 185 шықәса зхыҵуа аҵла иалҵуа 503 м3 артәоит, 300-500 шықәса зхыҵуа аԥса 60 м иҳаракны иазҳауеит, агәыцә адиаметр (ашәпара) 200-235 см ыҟоуп. Аԥса ҵлатә аԥса ҵла-ашәтә бнара хкы рацәала иеилоуп. Абжьаратәи аҩадатәи амаҟақәа рыҟны иахьбаррақәоу аҭыԥқәа рыҟны урҭ рыҵан игылоит ақьар, иара убас аҭырас, атрахистемона мрагыларатәи, ацәырас. Бжьаратәла ацәаакыра змоу анышә аҟны иҿоит аҳаскьынхкы зҵиаауа абнақәа. Ара иҟоуп колхидатәи ачықьқәа зҵиаауа абна. Урҭ ирылукаартә иҟоуп ашымҳа, ацәлаа, аӷьры́ // ады́ӷаџьа, абжьынҵ, ажьынҵәры. Лассы-лассы аԥсара аҭыԥан ашә бнара ахьгылогьы ыҟоуп. === Ашә бнақәа === Иеиуеиԥшым гәыԥла игылоит РАМП аҟны ашәҵлақәа. Урҭ еиҳарак иахьбарроу аҭыԥқәа рыҟны ирызҳауеит. Иахьцәаакыроу аҭыԥқәа рыҟны ирыҵиаауеит трахистемонеи ақьари, трахистемонеи аӷш ҵлеи еицны, мамзаргьы аҭырас зҵиаауа ашәра гылоит. РАМП абна маҟа зегьы ахьынӡанаӡааӡо, аладатәи аган ада, иҿиоит ашымҳа хәшәы, ацәлаа, ажьынҵәры, абжьынҵы зҵиаауа ашә бнара Бжьаратәла РАМП ашәтә бнараҿы изызҳауа аҵлақәа рықәра 95 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Амодельтә ҵлақәа 48,7м агылара змоу 340 шықәса рхыҵуеит, рышәпара 187 см ыҟоуп, егьи, 365 шықәса зхыҵуа - 49,5 м иҳаракуп, 193 см ишәпоуп.. === Аԥса ҵла абнақәа === РАМП аҟны аԥсара налукааша аҭыԥ ааныркылоит.Урҭ аландшафтшьақәыргылараҿы, аӡы-анышәхьчараҿы рроль дууп, аҳауашьақәыргыларатә функциақәагьы нарыгӡоит. Аԥсара даҽакы иаламҩашьо ахатә ҷыдара амоуп. Раԥхьа иргыланы иҳәатәуп, урҭ рыфлоратә беиара атәы, аҵла-чықьтәқәа 58 хкы ыҟоуп, аҳаскьынтә ҵиаа - 132 хкы. Рамп аҟны аԥса ҵла иацгылоит ашә ҵла, аха аԥса ҵла иахьазҳауа амаҟаҟны аҳра зуа иара ажәлоуп. Ашә бнақәа рыҟны аԥсаҵла налаԥсоит, субедификаторҵас (акәша-мыкәша анырра ҟазҵо, аԥхьагылара змоу). Аԥса ҵла агәыԥқәа рыҟны аҭыԥ ҷыда аннакылоит мрагыларатәи аԥсаӡ. Уи анаарақәа рыҟны, иахьбарроу аҭыԥқәа рыҟны иазҳауеит. Ашәҵлеи аԥсаӡи рыдагьы аԥсараҟны иҿиоит иара убас анҷақәа: абӷьы ҵар, аиавор, араш, аҭәаҵла, ааҵла, амзаҵла, аџь, аҵааҵла. Типла аԥсара гәыԥ-гәыԥла аҽашоит: ақьартәқәа, аҭырастәқәа, аҳаскьынтәқәа, аҳаскьынтә-ашьхацәҳәыратәқәа, колхидатәи абнагыларатәи ҳәа. === Адәҳәыԥштә ҵиаақәа  === Аҳаракырақәа рыҟны иҿио ашьхацәҳәыраҵаҟатәи ашьхацәҳәыратәи аҵиаақәа роуп. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи адәҳәыԥшқәа беиоуп ахәшәтәи, атехникатәи, акаучук змоу аҵиаақәа рыла. Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа амш. аҩ. аҟн. 3300 м аҳаракырахь ихалоит. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи адәҳәыԥшқәа рыҟны аҳаскьын жәпаны игылоит. Ара даара ирацәоуп ашәҭ зҿало аҳаскьын. Игыло аҳаскьын ҳаракуп. Ашьхацәҳәыра аладатәи амаҟаҟны иҿиоит кавказтәи ахәажә чықьра. Абна дәқәа рыҟны аҭырасра иазҳауеит. Аҳаскьынхкқәа ахьырацәоу адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит Ҵыкә ихәшә (герань), олимпиатәи аӡеизга, аҳәа́шьҭа шәҭы ду. Ашьхацәҳәыра аладатәи амаҟа аҩадатәи ацәаҳәаҟны ицәырҵуеит ҭагалан ишәҭуа алаҳәақәаџа ссир. Ашьхара дҳәыԥш дуқәа рхы иадырхәоит аԥхынтәи арахә рҳәырҭақәас, хкылагьы иӷаруп, ирызҳауеит: аџьаҟәа, ахәыц, амаҭ абз, аҭырас уҳәа уб.е гь. Ашьхацәҳәыратәи амаҟаҟны аҵиаа ашьхацәҳәыраҵаҟатәиқәа раасҭа аурыла акыр иеиҵоуп. Ашьхацәҳәыратәи адҳәыԥшқәа – адәҳәыԥштә зеиԥштә еизҳарахкқәа роуп, урҭ ирылоуп иеилаҟаца анышә шьақәзыргыло амиқәеи аҭыраси. Ашьхацәҳәыратәи адҳәыԥшқәа рыҟны ирызҳауеит иԥшӡаны ишәҭуа аҳаскьынгьы: ашьхацәҳәыратәи ауарҳалқәа аԥызҵо горечавка, ашьхадәыкрын. Ашьхацәҳәыратәи ауарҳалқәа шьақәгылоуп иеиуеиԥшым азеиԥш еизҳарахкқәа рыла. Урҭ рыҟны иуԥылоит алымҳардагәа, аҭырас, лассы-лассы ицәырҵуеит аҟы́зшьапқәа, ашьхадәыкрынқәа. Иуԥылоит вероникатә, аҷабҳаскьын ала ихҟьоу ауарҳалқәа. Асшәытақәа рааигәара иҿиоит ашьхацәҳәыратәи амарчқәа, Хәы́ҭибӷьыци, ахәрабӷьыци злаԥсоу иҷыдоу ауарҳалазеиԥш еизҳарахкқәа. Ахаҳәсса злоу анышәқәа рыҟны аҳаскьынгылара еиҳа иӷархоит, нас ацаҟьаԥҽыхақәа рыҟны изызҳауа аҵиаа хкқәа рахь ииасуеит. === Аинтразоналтәи абаарратә ҵиаақәеи === РАМП аҟны иҟоуп ацаҟьа ацаԥҽыхақәа рыҟны изызҳауа аҵиаа.Даҽакы иалаҩашьом аӡиасқәа Бзыԥи, ӷьеӷьеи, Ҩыԥшареи ирхықәгылоу акьырцаҟьақәа ирыду аҵиаахкқәа. Амра ахьыҟам ицәааку ацаҟьақәа рыҟны иазҳауеит Аԥсны ада даҽаџьара иуԥымло ашьхадәыкрынқәа. Уи рацәоуп ӷьаӷьа армарахьтәи ахықә ихықәгылоу ацаҟьа цәаакқәа рыҟны. Ара уи иацгылоит: аԥсы́цәгьара а́хәшә, абҟәылбӷьы, астра ... Абаарратә ҵиаақәа цәырҵуеит иалкааны ҭыԥкәак рыҟны. Аӡбаарратә дәҳәыԥш ҟьаҟьа шьҭоуп Анҽҳа ахыҵырҭа мраҭашаәратәи аган аҿы, ажәытәӡатәи аӡҭачы – ажәытәӡатәи аӡиа ахьҭатәаз аҭыԥан. Аторфтә баарраҿы, асахьаҳәыра - абаа́рра шы́цламшә зеиԥш еизҳараҟны ажәытәӡатәи аӡиа аҭыԥан иазҳауеит хыбӷьыӡк змоу авахта. Аӡ. Мзымҭа агәҭахьшәа иуԥылоит абаарра дәы, ара игылеит абна “хьынаа”, анышә аҳәазареи аҽеиҭакреи иахҟьаны изызҳаз аҵааҵла дуқәа рыла ишьақәгылоу абнара. Инарҭбааны аторф ахьамоу аҭыԥқәа рыҟны абореалтә хкқәа ирызҳауеит, аторф амчхра урҭ рыҟны џьар-џьара х-метрак рҟынӡа инаӡоит. === Ашьхацәҳәыраҵаҟатәии ашьхацәыҳратәи аҵиаақәа === Ашьхацәҳәыратәи амаҟа аҵиаа еиуеиԥшымкәа иеилоуп. Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк аҩныҵҟа иҿиоит ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасреи абнаӷареи, иҳәазо ачықәқәеи, аҳаскьын ҳараки, адәҳәыԥшқәеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасра азеиԥшеизҳара хкы ендификаторны (ишьақәзыргыло) иамоуп аҵааҵлеи мрагыларатәи ашә ҵлеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аҵааҵлатә аасраҟны иеилаԥсоуп аҵааҵлеи, кавказтәи амҿыши, аԥслыши, ашьха нҷеи (Траутфеттера). Аасраҟны изызҳауа аҵлақәа 10 м рыҟнӡа иҳаракхоит, иагьхынааны иҟоуп уахьрыхәаԥшуа, акыр имахәҭаркуеит, ганрацәала аҟатагьы ахылҵуеит. Абнаҵаҟа ирызҳауеит: ахәамса, ашьхаражь, ахәар уҳәа уб.егь. Аҳаскьын игыло ҳаракуп. Аҵлақәа рымҵан иуԥылоит Ҵыкә ихәшә, абнатә геран, иасменник фҩыхаа уб. егь. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасраҟны аҵлажәлақәа рышьақәгылара аҽаԥсахлоит, уи арелиеф, аекспозициа, алитологиатә ҭагылазаашьа иахьыԥшуп. Абри аҟнытә аҵааҵлатә аасра шьақәгылоуп ахәажә зҵиаауа аҵааҵла бна ӷарреи аҳаскьын зҵиаауа аҵааҵла бна ӷарреи рыла. Ашәтә аасра иамҽханакуеит абна аҩадатәи аҳәааҟнытә алада улбаацыԥхьаӡа аҳауа ацәаакыреи аҳәырҭақәеи ирыхҟьаны. РАМП лассы-лассы иуԥылоит ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи ашәтә аасра аҳаскьын зҵиаауа. Аҵлатә еиҵагылара-еихагылара ашәҵлақәа, анҷа ҵлақәа, аԥслыш ҵлақәа рыла ишьақәгылоуп. Ачықьтә еиҵагылара-еихагылара рацәак иҿиаӡам, иуԥылоит аџьцәа, ажьынҵәры. Лассы- лассы иуԥылоит ашымҳа зҵиаауа ашәтә аасра. Аҵла еихагылара-еиҵагылараҟны еиҳа ирацәоуп ашә ҵла, уи иацгылоит амҿыш, анҷа, аԥсаӡ. Аҵлақәа ахьеилагылоу ибзианы иҿиоит ашымҳа хәшәи ады́ӷаџьеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасраҟны иеилаԥсоу абнара еиҳа ибзианы игылоит агәаҩара хьшәашәарақәа рыҟны акыӡӷырақәа рҿы, уа, шамахамзар, анышә зынӡагьы иҟаӡам. Аҵлатә еиҵагылара-еихагыларақәа рыҟны иуԥылоит арасара, амҿыш, ашә ҵлақәа. Аҳаскьын ажәпара илагылоуп амаахыр, трахистемон, аџьармыхь, иара убас уарла-шәарла, ахәыц дагәа, алыкә, агеран, ашьапкьаҿ.РАМП аҩныҵҟа ашьхаҵәҳәыра аладахьтәи аасра злашьақәгылоу анҷаҵла алоуп. Уи ианаало ахәқәеи урҭ иаду анаарақәеи роуп. Анҷа ҵла Аԥсны ашьхаҵәҳәыра аладатәи амаҟаны зехьынџьара иуԥылоит. Ара Ауадҳара адәаҿи Анҽха ахыҵырҭаҟни мраҭашәареи аҩада-мраҭашәаратәи аекспозициаҟны уарла шәарла иуԥылоит акленарникқәа. Аӡ. Ауадҳара ахықә аҟны анҷа бна ӷарра апарктә ҟазшьоуп иамоу ма иеикәаԥсоу ҵлагылараны иҟоуп. Апарк ԥшра змоу анҷа бнараҟны аҵлақәа ма акакала инаскьага-ааскьаганы ма гәыԥ хәыҷқәаны игылоит. Аҵла гәыԥқәа рыбжьара анаара цәгьақәа рыҟны ашьхаҵәҳәыра аладахьы аҳаскьын ҳаракқәа ҿиоит, еиҳа иахьбарроу, аӡы ахьагу анаарақәа рыҟны – аҳаскьынхкырацәеи – амитә дәҳәыԥшқәа џьара-џьара аҳаскьын ҳаракқәа рылагылоуп. РАМП изызҳауа анҷара  уникалтәқәоуп, даҽакы иаламҩашьо ԥсабаратә цәырҵраны иҟоуп, урҭ хылҵшьҭрас ирымоу шьақәыргылаӡам азы хшыҩзышьҭра ду аҭаны иҭҵаатәу иагьыхьчатәу ҵла жәлоуп. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны аҵәцашлыхтә жәлақәа рыҟны абна ахьынҵәо анахыс ирызҳауеит – ахәажәра аԥслашқәеи аџьцәақәеи алаԥсаны, уи ахәажәи ажьынҵәри еилаԥсаны ачықь ҵиаа шьақәнаргылоит. Ахәажә еснагь ииаҵәоу икьаҿу чықьуп, абыӷьқәа шәпаны, ашәҭ шкәакәақәа ҿалоит, уи ародоретқәа рзеиԥш еизҳара хкы шьақәнаргылоит. Ҭагалан ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны заа илеиз асы аныӡыҭлак, уи аҩынтәраан ишәҭуеит. Ахәажә аҵаҟа ишьақәгылоит ашьха-дәҳәыԥштә нышә иеиԥшым аторф рацәаны излоу анышә. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аҵиаа аҵакы даара иӷәӷәоуп. Уи аӡынызкыло, анышәзыхьчо, аҵаа, асқәа рлеира иаҿагылоу афункциақәа нанагӡоит, рапҳьа иргыланы, ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны изызҳауа згәыцәҳараку абназы. Ашьхацәҳәыра амаҟаҟны аҵиаахкқәа рыҿиара агипсометриатә згәаҭарақәа рыҳаракыра, арелиеф аформа, иахьрызҳауа аҭыԥқәа редафиттә ҭагылазаашьа, иара убас егьырҭ аекологиатә факторқәа ирхьыԥшуп. Ахәажәра ҿиоит еиҳаракгьы ацәаакыра ахьамоу анаарақәа рыҟны, амш. аҩ. аҟн. 1400 м аҳаракырахь ихалоит. Афитоценологиа аганахьала урҭ агәыԥ дуқәа шьақәдыргылоит, рыҵан егьырҭ аҵиаақәа изрызҳаӡом ашәшьыра зычҳауа амезофилтә ҵиаақәа: ашьа́бҳаскьын, ажьынҵәры, ацәырас, иара убас алымшәҵыҭәа, ашыцламшә рыда. === Антропогентә ҵиаақәа === Амҩа ахықәқәа рыҟны анышә ахьыкәаҳау, аҳаскьын ахьыфоу аҭыԥқәа рыҟны ирызҳауеит асегеталтәи арудералтәи зеиԥш еизҳарахкқәа. Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә-ԥышәатә станциа астационарцәа Ачерқьес дәҳәыԥш аҟны аӡиа Риҵа акәша-мыкәша иеиҭарҳаз абнақәа рыҟны апаркқәа еиҿыркааит. Ихадоу арудералтә ҭыԥқәа рыҟны иеиҭаҳауп: амҵырбӷьы, абга аҵыхәа, аҭырас иаабац, амброзиа.  Дәҳәыԥшқәак рыҟны иуԥылоит ал қамса амҵан аҭырас, амаӷ ҳараки егьырҭ аҭыԥантәи ахкқәеи. А́маӷ ҳаракы цәырҵуеит иара убас ашьха ашьапаҿы абнараҟны амш. аҩ. аҟн.600 м аҳаракыраҟны. Еиҳарак злысра уадаҩу абнаршәырақәа рыҟны иазҳауеит, иара убас акьыртә ҿыбгарсҭақәа рыҟны. Ацәҳәырақәа рҿы иуԥыло егьырҭ аҳәирахкқәаны иҟоуп: аџьамԥа́з//ашьамашәыга, ахәац дагәа, ахәац шкәкакәа, иҷабуа алыкә, ацоупы́ иаабац. РАМП аҭыԥҵакыраҟны 1965 ш. инаркны Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә-ԥышәатә станциа имҩаԥнагоит аинтродукциатә (аҿыцлагалақәа) ԥышәаратә усурақәа ашьхатә ҳауашьцылатә ҭыԥқәа рыҟны: астационарқәа "Риҵа" (Рициатәи амҩаду 37 км рыҟны, амш. аҩ. аҟн. 900-950 м) , "Ауадҳара" (1650 м). "Риҵа" астационар аҟны иԥышәахоит 300 таксон. Иҳаҩсыз ашықәсқәа раантәи "Ауадҳара" астационар аиҭаҳатәқәа еиқәымхаӡеит иалагалаз аиҭаҳатәқәа рзы иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Аинтродукциа ахәышҭаараҟны иҟоуп аӡиа Риҵа азааигәара акурорттә ҭыԥ. Аиҳабыра рдачаҟны аҵлажәлақәа рахьтә ирызҳауеит анҷа бӷьыхәхәа, ачықьқәа рахьтә: ашьхаражь, ашьхарпаҿ. Аӡиа Риҵа апарк аҟны ирызҳауеит: араҵла, амҩа аҿықә аҟны - акатальпа, вистериа китаитәи, спиреи иапониатәи. Ауадҳара иҟоуп ашьхаҳаракыратә адгьылқәаарыхра ахәышҭаарақәа руакы (амш. аҩ. аҟн.1750 м). Абнахылаԥшҩы иҭыԥ аҟны ахьча игыларҭаҟны (аӡ. Лашԥсы арӷьарахьтәи аԥшаҳәа), иаадрыхуеит акартош, аҵыҵындра, аџьымшьы, аџыш уҳәа егьырҭ ауҭраҭыхтә культурақәа. ==Шәахә. иара убас== * [[Риҵа]] * [[Риҵа маҷ]] == Ахархәара змоу алитература == * {{Ашәҟәы|Ашықәс=1969|Астатиа ахьӡ=Заповедники Советского Союза|Ақалақь=Москва}} * {{Ашәҟәы|Ашықәс=1984|Астатиа ахьӡ=მამისაშვილი კ.|Аҭыжьырҭа=ქართული ენციკლოპედიის ირაკლი აბაშიძის სახელობის მთავარი სამეცნიერო რედაქცი|Адаҟьақәа=401|Асериа=Қырҭтәылатәи Асовет енциклопедиа}} ==Азхьарԥшқәа== * [https://ritsa-park.ru/ Аофициалтә саит] * [https://www.tourister.ru/world/europe/abkhazija/city/gagra/nationalparks/16745 www.tourister.ru – Рицинский реликтовый национальный парк] * [https://web.archive.org/web/20181126221614/https://www.protectedplanet.net/ritsa-strict-nature-reserve Protected Planet. IUCN] – [[Аҳәырԥсаррақәа рзы адунеизегьтәи адыррақәа рбаза]] {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Аԥсны иҟоу амилаҭтә паркқәа]] [[Акатегориа:Аԥсны агеографиа]] [[Акатегориа:1930 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа]] [[Акатегориа:1996 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа]]
Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк () — Гәдоуҭа араион аҟны иҟоу ихьчоу дгьылҵакыроуп. Иаԥҵоуп ашьха ӡиа Рыҵа, иара убас уи иаакәыршаны иҟоу ашьха иамоу афлореи афаунеи рыхьчаразы. Аҭоурых Иаԥҵоуп 1996 шықәса жьҭаармза 17 рзы иара убас захьӡу 1930 шықәсазы иаԥҵаз аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны. Зеиԥш ыҟам еиуеиԥшым аҳаракырақәа (100 м инадыркны 3256 м рҟынӡа) аԥсабаратә ҭыԥсахьақәа рыхьчара иазкуп. Агеографиа thumb|Аӡиа Риҵа маҷ|слева Аԥсны ашьхараҟны ишьҭоуп Кавказ ду аладатәи анаараҟны, Ӷьеӷьа аӡиас аԥшаҳәеи Ԥшыца археи рҟынӡа аҵанакуеит. Зҽеиҭнызыԥсахло аҳаракырақәа 100 м инадыркны 3256 м рҟынӡа (Аӷьыԥсҭа ашьха аҟынӡа) еиуеиԥшым аҵиааи аԥстәқәеи рыҟазааразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵоит. Аҳәырԥсарраҟны иҟоуп аӡиа ду Рыҵа; иара убас иалукаашақәа иреиуоуп аӡиақәа Риҵа маҷи Аӡиа Иаҵәеи (Цхына). Ара иамоуп аӡхыҽҽақәа, еиҳа еицырдыруахь иаҵанакуеит — 70 метра аҳаракыра змоу Ӷьеӷьа аӡхыҽҽа. Агидрографиа: Шьақәгылоуп аӡиасқәа, акарсттә ӡыхьқәа, имаҷу анаҟәоутәқәа аламҵакәа, аӡиақәа хԥа рыла. Аҵиаа: Шамахамзар, аԥсаҵла-ашәтә бнақәеи ашьхацәҳәырқәеи рҽеиҭныԥсахло ицәырҵуеит. Риҵа: Асынаҟәоутә-тектоникатә хылҵшьҭра змоу ашьха ӡиоуп. Аҳауа: Уникалтәуп: Аԥсны аҳауатә зонақәа зегьы рыла ишьақәгылоуп. Иуникалтәу агеозона: Арелиеф акырӡа аиԥшымзаара амоуп – амшын аҩаӡараҟнытә 100 м инадыркны 3,256 нызқь м рҟынӡа. Агеологиатә шьақәгылашьеи, арелиефи адгьыли Рацәак идуум РАМП адгьылҵакыра аиԥшымзаареи улаԥш зыдхало апеизажи шьақәзыргыло 3000 м инареиҳаны изҵазкуа арелиеф ахышәара-ҵышәареи амҽхаки роуп. Ари аҭыԥ амшын аҩаӡаракынтә аҳаракыра 107 м рҟынӡа ыҟоуп Аӡиа иаҵәаҟны, зегь раасҭа иҳараку Аӷьыԥсҭа ақәцә - 3256 м артәоит. Ара ашьха ҳаракқәа аԥсҭа ҵаулақәеи аҩхаа ҭшәаррақәеи Здесь высокие горы сочетаются  с глубокими ущельями и узкими мрачными каньонами. Абна иаҵәақәа ирыгәҭылаку ацаҟьа бааԥсқәа, ашьха ӡиақәа иаҵәҟаҟараӡа, саркьаҵас иказказуа илеиуа аӡиасқәа, ашьха шлақәа рымҵан ишьҭоу альпиатәи адәҳәыԥшқәа рыҟны изызҳауа хкырацәала ашәҭқәа – ари зегьы абаразы арахь иашьҭаланы иаауеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Арелиеф ауп ашьхатәылақәа рыҟны аландшафт шьақәзыргыло. РАМП адгьылҵакыра аҩадахьала, ишазгәаҭаз еиԥш, ишьҭоуп Кавказтәи ашьха хада аика – Ажара 2907 м рҟынӡа иҳаракуп. Уи шьақәгылоуп ажәытәӡатәи кебриинӡатәии палеозоитәи ажәлақәа – ашьхахаҳәқәа – иахәоуи иҟаԥшьуи, ашьхаҳәжәла - габбро, иҵәцашлыху асыпи, ҭыԥқәак рыҟны амармалташь саркьақәа (Лашԥсы аӡиас ахьыҵыҵуа ахаҿы) – Кавказ дуи уи ахәы ҳаракыра Ахаҳәраҿи (Ахаҳә Аӷәра, 2473 м). Арҭ ажәлақәа ӷәӷәақәоуп азы ара ашьхақәа рикақәа ҵарқәоуп. Ациркқәа, иҿаԥыҟҟоу ашьхакаршәрақәа, рыҵақәа ихҵаалаз ижәытәӡоу анаҟәоуқәа рыла ишьақәгылоуп. Ажәытәӡатәи ациркқәа лассы-лассы иуԥылоит аӡиақәа, иаҳҳәап Ажаратәи иара убас Ахаҳәра аҩадатәи анаараҿы. Ихадоу Кавказ ашьха иаваршәны инеиуеит арелиеф аҟны ибзианы иубарҭоу аӡиасқәа Ауадҳәареи, Мзымнеи, Лашԥси рхахьы ишьҭоу иазыхәхәоу акаршәра. Уи еиҳарак нышәаԥшьлеи, џьара-џьара аспиддтә сыԥсалеи, атуфогентә конгломерат ҿыгҳара злоу атуфогентә ԥслымӡи рыла иеилоуп. Арҭ итатоу ажәлақәа рыла ишьақәгылоуп Ауадҳәареи, Мзымнеи, Лашԥси акаршәрақәа рыҟны аладатәи анаарақәеи ахыҵырҭақәа Кәытихәы (2072м), Чҳа (2035м). Иҵегьы лбаа, Кавказ хада ахыҵырҭеи уи иаваршәны ицо акаршәреи ирывагылоуп Аӷьыԥсҭа аика ҳаракы (3256м) – Аҵатәыкәа (2538) Чҳа (2697м). Арҭ ашьхеибаркырақәа, Кавказ хадеиԥш, арелиеф альпиатә формақәоуп ирымоу, уаҩ дахьзымнеиуа анаарақәа, ажәытәӡатәи анаҟәоуқәа – акаршәра ҭакнаҳақәа, аҿаҟәарсҭақәеи, ажәытәӡатәи анаҟәоутә ҭаҳарақәеи рыла иеибаркуп. Аҭаҳарақәа рыҟны џьара-џьара аӡиақәа амоуп, иаҳҳәап Ацеҭыкәа ашьха аҩадатәи ахәаҿы иамоуп аӡиа Мзы, Чҳа ашьха аҩадатәахьтәи ахәы . Аӷьыԥсҭа ашьха аҩадатәи ахәаҿы, уи шьҭа Аԥсны аҳәаа анҭыҵ иеиқәханы иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазтәи анаҟәоу. Аҵатәыкәа ашьха аладатәи ахәы бааԥсқәа ҿахҵәоит аӡиа Риҵа илбаанӡа, Чҳа аладатәи ахәқәа Пшыца аӡахьы илбаанӡа. Аладаҟа лбаа аӡиас Гьаӷьеи – Аӷьыԥсҭеи – Риҵа Хәыҷи Риҵа Дуи ахьеилало – аӡ. Ԥшыца ахаҿы Кавказ Хада иаваршәны ицоит ииуртәи акьыртә цәаҳәа, уи ауп РАМП адгыьлҵакыра аладатәи аган зегьы злашьақәгылоу. Арҭ ажәлақәа рыла иебаркуп иара убас Ԥшьегьешьха  (2226м), массив Арихәа (Арттара, 2377м) и массив Лакрдызҭоу (2144м). Аҵыхәтәантәиқәа аҩбагьы аӡ. Бзыԥ ахаҿы иҿахҵәоит. Ԥшьагьешьха аӡ. Риҵа аҭаҳараҿы, мрагыларахьала аӡ. Ҩԥшараҟны, мраҭашәараҟны аӡ. Ӷьаӷьаҟны. Арҭ ашьхақәа рықәцәқәа хыгьежьааны, рацәак иҵарӡам, цаҟьабааԥсқәаны илеиуеит.Алышәшәақәа ирылҵыз акарбонаттә жәлақәаны иҟоу акьыртәқәа, амшын аҵаҿы ишьақәгылаз, нас шьхашьақәгыларатә процессқәа рыла иҳаракӡаны ишьҭыҵыз ирҷыдаҟазшьоуп акарсттә працессқәеи урҭ ирҟазшьоу арелиефтә формақәеи. Ара, шамахамзар, иамоуп аҩхаақәа, аҭыжаарҭа, аҵеџьқәа, аҩхаақәеи дара ашьхақәеи рҭыӡқәа рыҟны аҳаԥқәа. Арҭ зегьы рацәоуп РАМП аладатәи азбжаҿы. Абас иҟоуп акарсттә-ттектоникатә хылҵшьҭра змоу аӡ.Ӷьаӷьа, Ҩыԥшара, Бзыԥ аҩхаақәа. Аӡ. Бзыԥ аҩхаа зегьы иреиҳауп, уи уҭысыртә иҟам аладатәи аганахь еиԥш иара аӡы уаваланы уцозаргьы. Арҭ аҽазышәарақәа ирыхҟьаны акымкәа арыцҳарақәы ҟалахьеит. Ҭыԥқәак рыҟны аҩхаа убас иҭшәоуп, иагьыҵаулоуп, џьарак аӡы ахыхь 80 м аҳаракыраҟны иҿыбгаз анаарақәа ахьҭаҳаз аҭыԥ аҟны Ахахьца. ацҳа шьақәгылеит. Ари аҭыԥ инацәыхарамкәа иҟоуп зыда ыҟам археологиатә ԥшаахқәа ахьаарԥшыз Ԥшыцатәи аҳаԥы. Акыриҭшәоуп иагьыҵаулоуп Ҩыԥшара аҩхаа иҭысны ицо Риҵаҟа ихоу амҩа. Убас иҟоуп аӡ. Ӷьаӷьа аҩхаагьы, еиҳаракгьы Гьаӷьа аӡхыҽҽа аҭыԥаҟны. Ари карсттә ӡыхьуп, Гагратәи акьыртә ацаҟьа аҭӡаҟнытә 55 м. аҳаракыраҟнытә илбааҟьаны илеиуеит. РАМП ари аҭыԥ аҟны адгьылаҵатә агидросистема абеиара атәы аҳәоит Ҩыԥшаратәии Ӷьаӷьатәи аҩхаақәа рҭыӡқәа рыҟнытә илбааҟьо хыԥхьаӡара рацәала акарсттә ӡыхьқәа, аӡ. Ҩыԥшара адгьылаҵатәи аӡышьҭреи Аӡиа иаҵәа аҵаулараҟны иалало акарсттә ӡыхь. Акарсттә хылҵшьҭроуп иамоу аӡ. Риҵа Маҷгьы. Абасала, РАМП адгьылҵакыраҿы иалукаауеит акыр идуу орографиатә акрақәа: Аӡеиҩызшо Кавказтәи ашьха хада аика. Арҭ ахыҵырҭақәа еиҩызшо аӡиасқәа Мзымна, Ауадҳара,Лашыԥсы рхыхь ишьҭоу акаршәра. Арелиеф аҟны Риҵа Маҷ анаҩс иҟоу Лашыԥсы акаршәра иамоу аӡиа Риҵа ду аҭаҳара, мрагыларахьала Чмақәиҭархырҭа абжьысырҭаҟнытә аӡиас Ԥшыц арыӷьарахьтәи аганахь. Ԥшегьишьха, Арыхәа, Лакрӡысҭоу абнара акьырцәаҳәа. Иазгәаҭоу РАМП адгьылҵакыра орографиатә акрақәа реиԥш, кавказтәи арелиеф аҟны иалкаауп азеиԥшкавказтә хырхарҭа змоу атектоникатә еиҟәыжәжәарақәа рцәаҳәақәа ирыбзоураны, убарҭ ирылҵит Ауадҳаратәи аминералтә ӡыхьқәа рцәырҵра, егьи, аладахьтәи, Ԥшьегьышьха аимаҳара иахҟьаны ишьақәгылаз аӡиақәа Имаҷуи Идуи Риҵа, иара убас аӡ. Лашԥсы акаршәрақәа рыҟны иҵыҵыуа аминералтә ӡыхьқәа. Хыхь иазгәаҭоу ала РАМП иаҵанакуа аҟны иазгәаҭазар ҟалоит арелиеф агенетикатә типқәа: атектоникатә, глиациальтә, аӡы-ерозиатәи аӡы--аккумулятивтәи, екзотектоникатә, акарстттә. РАМП анышә хҟьа амаҟа аҳаракыра иахьыԥшуп, иара убас уи иаҵоу ашьха жәлақәа зеиԥшроу еиԥш ауп иаргьы шыҟоу. Аладатәи аган аҿы акьыр аҟны аилабааратә-карбонаттә нышә шьҭоуп. Аҩадаҟа анышә еиқәароуп, апорфириттә ег ьырҭ авулкантәи алышәшәатә жәлақәеи рыла ишьақәгылоуп, иара убас Ауадҳареи, Лашԥси, Мзымнеи. Хыхьҟа 1800-2000м инархыганы ишьҭоуп ашьха-дәҳәыԥштә, аллювиалтә, аӡбааррақәа рыҟны ашьхаторфтә нышәуп иҟоу, зынӡа иҳаракӡоу аикақәа рыҟны абаҩтә, ахаҳәтә, ахаҳәссатә нышәуп альпиатәи аҵиаақәа ирыҵоу. Риҵатәи Арелиқттә милаҭтә парк аҭыԥ ҷыдақәа Цәҳәына аӡыжь Цәҳәына аӡыжь Цәҳәына ашьха ашьапаҿы ишьҭоуп амшын ақәыԥшыларантә 107 м аҳаракыраҟны. Бзыԥ аӡиас аԥшаҳәаҿы. Аӡиа карсҭтә хылҵшьҭроуп иамоу. Ишьақәгылоуп адгьыл иҵыҵуа аӡқәеи атмосфератә лышәшәақәеи рыла. 16-20 м аура амоуп, аҭбаара 1-12 м, аҵаулара - 49 м рҟынӡа илаӡоит, аҵакыра – 200 м2 артәоит. Аӡиа хыхьтәи аӡы аԥхарра +5 +7°С ыҟоуп. Аӡиа жәҩангәыԥштәуп иамоу – ари аԥштәы аҵаулареи ианыҷҷало амра ашәахәақәеи иҟарҵоит. Аӡиа ахьыхь, иахагылоу акыӡӷырақәа ирымоуп зеиуа хкы маҷу аҵиаа хкы ­– ашхаҳаршьыл. Ӷьаӷьа арҩаш Ӷьаӷьа арҩаш – карсттә ӡыхьуп. Гагратәи ашьхеибаркыра ашьхаҿыгақәа ирыҵыҵуеит, Ӷьаӷьа аӡиас арыӷьарахьтәи аган ала, 530 м аҳаракыраҟнытә илбаауеит. Ашьхаҿыга аҳаракыра - 55 м. ыҟоуп, акылҳара 315 м. инаӡоит, арҩаш 16-20 м. аура амоуп. ӷьаӷьа аӡы аԥхарра аӡын +7,5, нанҳәамзазы +12.5 рҟынӡа ыҟоуп. Аӡиас ӷьаӷьеи Гьаӷьа арҩаш акьыртә кыӡӷқәеи рыбжьара адунеи аҿы уаҳа џьаргьы иуԥымло аҵиаақәа ирызҳауеит - водосбор гегский и аннея ястребинковая. Ҩыԥсаратәи аҩхаа Ҩыԥсаратәи аҩхаа амшын қәыԥшылараҟнытә 450 м аҳаракыраҟны иҟоуп. Ишьақәгылеит акьыртә ҿыгҳарақәа реиҟәшареи рышьҭыҵреи иабзоураны. Аҩхаа аура 400 м инаӡоит. Ашьарсҭақәа ҭыԥқәак рыҟны 30 метра рҟынӡа иҟоу, изырҵаулаз аӡиас ауп. Аҩхааҟны иуԥылоит зеиуахкы маҷу аҵиаақәа: горечавка бзыԥтәи, ӷьеӷьатәи аӡеизга. Аӡиа Рыҵа Аӡиа Рыҵа - аӡиасқәа Лашԥси Ҩыԥсареи рыԥшаҳәаҿы, амшын қәыԥшылараҟнытә 884 м. аҳаракыраҟны ишьҭоуп. «Рыҵа» ахьӡ «ашьха рыҵа», «ашьха ашьапы» аҟнытә иаауеит. Аӡиа аҩадала иахагылоуп ашьхақәа Аӷьыԥсҭеи – 3256 м иҳараку; Аҵыҭәақәи – 2538 м аҳаракыра змоу, аладахьҟала илбаауеит бнала ихҟьоу ашьхаҿыгақәа рыла еибарку Арихәа, мраҭашәарахьала игылоуп Ԥшахәышьха ашьха ацаҟьа еиқәа нырҳақәа - 2226 м аҳаракыра змоу. Аӡиа - тектоникатә хылҵшьҭроуп иамоу. Аӡы қәыԥшылара амҽхак иартәоит 1,27 км2. Аӡиа аҵаулара 116 м илбаауеит. Аӡиа алада-мраҭашәарантә аҩада-мрагыларахьҟа аҽеиҵыхны иаауеит. Аура 2490 м ыҟоуп, аҭбаара – 270 м инаркны 870 м рҟынӡа. Аԥшаҳәа ацәаҳәа аура 6,25 км инаӡоит. Аӡы аԥхарра хыхьынтә аладаҟа иаразнак иагхо иалагоит. Нанҳәамзазы хыхьтәи аӡы аҿыгҳарақәа +22°С., аҟынӡа иԥхоит, жәабранмзазы +3°С рҟынӡа ихьшәашәоит. Аӡиа иҭоу аӡы аҵаҟатәи аԥсабаратә ԥхарра иамоу аҽаԥсахӡом, +5°С артәоит. Аӡынра аныӷәӷәоу аӡиа аныхҵаало ҟалоит. Ара иамоуп аӡиас калмаҳа, аӡыжьԥсыӡ уҳәа уб.егь. Аминералтә ӡыхь Аминералтә ӡыхь Ауадҳара - 1650 м аҳаракыраҟны иҟоуп. Ареспубликаҟны иҟоу ихадароу аԥсабаратә беиарақәа ируакуп. Аӡы ԥсабаратәуп, агаз змоу агидрокарбонат класс иатәу агидрокарбонаттә-арацәаҵәыҵәы-натритә- аҳәынаԥшьыга злоу агәыԥ иаҵанакуа аминералтә ӡқәа иреиуоуп. Ауадҳаратәи аминералтә ӡы аца-кьатеитә мҩаду илаҽу ачымазарақәа рзы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсабара Колхьида – Аҩадатәи дгьылкәымпылбжаҿы иҟоу арефугиум (аԥхьакырҭа) дуқәа ируакуп. Уахь иаҵанакуеит РАМП. РАМП аҵиаа атипқәа рахьтә ихадараны аҳра зуа ҳәа иԥхьаӡоуп абнатә мезофилтә, ашьхацәҳәыраҵаҟатәи, ажәытәӡатәи аҵиаа аҷыдарақәак змоу ашьхацәҳәыратәи. Колхьидатәи аҵиаа еиҳарак излашьақәгылоу иалкаау аԥсабара-ҳауатә ҷыдарақәа ирыбзоураны ицәырҵыз амезофилтә ҵиаақәа арелиқттә (ижәытәӡатәу) хкқәа рылоуп. Колхьида иахәҭакны иалоу РАМП иаҷыдаҟазшьаны иҟоуп аладатәи аҳәаа инаркны амезофилтә бнатәи ашьхадәҳәыԥштәи ҵиаалеи ахҟьара. Аҵиаақәа рмезофилтәра анаарақәа злашьақәгылоу, арелиеф, анышәи еимадоуп, урҭ зеиԥшроу еиԥш ауп иаргьы аҩаӡара шыҟоу. Ажәытәӡатәи аҵааршәырақәа РАМП аҵиаақәа анырра ӷәӷәаны ирырҭеит. Аҵааршәыратә аамҭақәа раан ахьҭа бааԥсқәа шыҟазгьы РАМП аҟны иеиқәхеит аԥхарра зҭаху аҩада-ажәытәӡатәи аҵиаақәа реиҳарак. РАМП ари аҭыԥ аҟны ада даҽаџьара иуԥымло агәыԥқәеи, иара убас ара, ҭыԥк аҟны ада даҽаџьара иҟам аҵиаақәеи рыла ишьақәгылоу иуникалтәу ԥсабаратә комплексуп. Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,6% роуп иаҵанакуа, аха РАМП аҟны иҟоуп 900 ҵиаа хкы рыҟнытә 70% иреиҵамкәа ҵиаахкы, ари Кавказ иҟоу аҵиаақәа зегьы рыҟны 13% артәоит. РАМП аҵла-чықьтә ҵиаақәа 120 хкы инареиҳаны иамоуп. Аладатәи абнатә маҟаҟны аҵлатәқәа рахьтә иеиҳауп абӷьы зҿало ажәлақәа, ахьаца кавказтәи, ахьараџь мрагыларатәи, аџь ибериатәи, ашә мрагыларатәи, каркас аладатәи, араш, ачамҳаҵла. Аҵлақәеи ачықьқәеи рахьтә иҟоуп ашымҳа, адыӷаџьа колхидатәи, ашыц колхидатәи, еиҳаракгьы, аӡхықәқәа рыҟны ахахәтә кьыртә хәқәа рҿы. Аҩадатәи абнатә маҟаҟны еиҳа ирацәоуп агәырбӷьыҵлақәа: аԥса ҵла, аԥсаӡ мрагыларатәи. РАМП аҵла-чықьтә ҵиаақәа рыҩныҵҟа иҟоуп имаҷымкәа колхидатәи аендемикқәа: адыӷаџьа колхидатәи, ашәшь колхидатәи, ашыц колхидатәи, ашьхарпаҿ кавказтәи, амҿыш мигариитәи, колхидатәи, акадифа иеиԥшу, ицәышәшәу, акампы́р, ахәажә уб.егь. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи А ашьхацәҳәыратәи амаҟаҟны иеиқәханы иҟоуп иара убас арелиқттә гәыԥқәа шьақәзыргыло ажәытәӡатәи аҵиаа хкқәа маҷымкәа, иаҳҳәап, Али́лиа (ашьханаша), аисыр мамзаргьы амшаԥышәҭ (абаииа). Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит ашьхардац хкқәа, аҟәышәҭы́н, аҳәа́шьҭа шәҭы, адәышәҭқәа уҳәа уб.иҵ. Абна ҵиақәа Ибеиоу РАМП аҵиаақәа шьақәгылоуп, шамахамзар, аԥса-ашә бнареи адәҳәыԥшқәеи рыла. РАМП 78,5% бнала ихҟьоуп, убри аан еиҳауп аԥсареи ашә бнеи. Егьырҭ аџьра, аԥсара, аԥсаӡ ҵлақәа, ажара, анҷа ҵлақәа, ахьацара, алра, аҵааҵлақәа, аҭәаҵлақәа абнақәа ирыҵаркуа маҷуп. Ирацәаӡам иара убас ашыц иахьазҳауа абнақәагьы. Абнақәа рыҟнытә абнакәазақәа 26 % роуп иҟоу.Анаарақәа аладатәи рган хҟьоуп ззыбӷьы ҟьаҟьоу абнақәа рыла: ахьара, аџьра, ажара, анҷа, амҿыш, алра уҳәа уб. егь. абна хкқәа рыла. Зыбӷьы каԥсои еснагь ииаҵәоу ажәытәӡатәи ахԥатәи аамҭахҵәаха иаҵанакуа ачықьқәа: ахәажә, ахәшәтә шымҳәа, ажьынҵәры́, ады́ӷаџьа, аҽадқәыц, ахәажә ҩеижь аасра жәпаны игылоит. Абна аладатәи амаҟа (300 м ин. 600 - 700 м рҟынӡа амш. аҩ. аҟнытә) шьақәгылоуп иеилаԥсоу асубтропикатә бнақәа рыла, Ҩыԥшара аҩхаа иаваршәны ирызҳауеит, рацәакгьы рыҵаркӡом. Ара ахаҳәреи акарбонаттә нышәи рыҟны игылоит даҽакы иаламҩашьо аҵиаа. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа, ашәшьырақәа рыҟны ашыц дуқәа гылоит ҵыҭәала ихҟьаны. Ацаҟьа ҟьантазқәа ирықәиаауеит уарла-шәарла иуԥыло ашьхадәыкрын, аҟәышәҭын, ацаҟьақәа рхыхьынтә ашәшь ҟарма лбаауеит. Аӡиасқәа Гьаӷьеи Ҩыԥшареи рыӡхықәқәа рыҟны акьыртә цаҟьа ҭакнаҳақәа ирықәиаауеит аԥсаӡ цлақәа, аа ҵлақәа, анҷа, ашыц, ашымҳа. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа ацаҟьақәа иеиуеиԥшым ашыцламшә хкқәа рыла ихҟьоуп. Даҽакы иаламҩашьо иҟоуп амш. аҩ. аҟн. 300-500 м иҳараку ацаҟьа ҭакнаҳақәа рформа змоу Ҩыԥшаратәи аҩхаа аҵиаақәа. Ара иҟоуп даҽаџьара иуԥымло ацаҟьеи аӡхықәтәии аҵиаа хкқәа. Хыхьынтәи ихьынҳалоу ашәшь аҟарма ацаҟьа аҭакнаҳарақәеи урҭ ирымоу аҳаԥқәеи дырхиоит. Ашыц ҵлақәак 400 - 500, 600 шықәса рҟынӡа рхыҵуеит, ргәыцәқәа рышәпара 24 - 26 см ыҟоуп, ргылара 12 - 14 м. Ашыц агәыцәи амахәқәеи аепифиттә шыцламшәқәа рықәҵәиаашаны иҟоуп, уи амҵан анышә ақәыц змоу ацәлаа ала ихҟьоуп. Ҷыдала зҿлымҳара зуҭаша акоуп аӡиас Бзыԥ аҩхаа мраҭашәаратәи анаараҿы изызҳауа аҷархана ҵлақәа рыла ишьақәгылоу абнара. Уи агәыцә ҟаԥшьқәа рылубаауеит акьыртә хаҳә дуқәеи аԥсареи иахьылагылоу. Ара иҟоу амикроҳауа аҷыдарақәа реинаалара иабзоураны амра зкыдыԥхало анаара аҩхаа ҵаулаҿы иазҳауеит амшынҿықәтәи арелиқт. Аҩадаҟа ашьха ашьапаҿы ишьҭоу абнақәа рнаҩс игылоит ашә бнақәа. Урҭ рыҩныҵҟа лассы-лассы даара ирылшо рацәоуп анҷаҵла налаԥсо ахьареи ахьацареи, аҭәаҵла, иахьцәаакыроу аҭыԥқәа рыҟны ал ҵлақәа. Ари аҭыԥ аҟны ибзина иҿиот есқьынгьы ииаҵәоу авҵиаа бна. Амш. аҩ. аҟн. 600-800 м аҳаракыраҟны иеиҳа ирацәоуп ашә бнара, иҵегьы аҩадаҟа ирызҳауеит аԥса ҵлақәа. Ашә бна цқьа гылоит еиҳарак ицәаакыроу аҩадатәи ахәқәа рыҟны. Акьыртә бахәқәа амш. аҳ. аҟн. 1000-1100 м аҳаракыраҟны аԥсақәа рыла ихҟьоуп, џьара-џьара аԥсаҵла хәыҷқәа ирымырдоит. Хыхьынтә 1100-1200 м аҳаракыраҟнытә аладаҟа ашә иалаԥсо иалагоит аԥсаӡи, аԥса ҵлеи, агәырбӷьыҵла еиқәарақәа шьақәыргыло, ус ишнеиуа аԥсаӡ есааира аҽарҭбаауа иалагоит. 1500-1600 м аҳаракыраҟны лассы-лассы иуԥылоит аԥса ҵла мацарала ишьақәгылоу абна, 1700 м аҳаракыраҟны уи анаҩсгьы абнара еиҳарак ашә ҵлақәеи абԥса ҵлақәеи рыла иеилоуп. Наҟ аҩада 1700 м аҳаракыраҟны анаара цәгьақәа икьаҿу аҵлақәа мамзаргьы аҵааҵлақәеи адгьыл иқәҳәазо ачықьқәа – ашымҳа хәшәы уҳәа уб. егь. рыла ишьақәгылоу аасра ихнаҟьоит. Аҿыбгарақәа лассы-лассы иахьыҟало аҵлақәеи ачықьқәеи зынӡа иҟаӡам, ҭыԥқәак рыҟны анышә ҳәазоит аҟнытә, уа анышә шьақәзыргыло ажәлақәа цәырҵуеит. Асы андәықәлалак, шамахамзар, аҩхаақәа, агәаҩарақәа рахь илбаауеит, ара асқәа еицыланы, рҽеизакны акыраамҭа ишьҭахоит. Абри иахҟьаны агәаҩарақәа рыҟны абнақәа ирыҵагылоит ашьхаҳаракыратә, еиҳаракгьы ашьхацәҳәыратә ҵиаақәа. Ас еиԥш иҟоу агәаҩарақәа “аинверсиатқәа” ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ уԥылоит Лашԥсы аҩхааҟны, Аҵатәықәа ахәқәеи Аџарра аикеи рыҟны. Ашьха бнара аҩадатәи аҳәаа амш. аҩ. аҟн. 1700-2400 м аҳаракыра рыбжьара ишьҭоуп. Ашьха акалҭ нахыс кавказтәи ахәажә гылоит, аҩадаҟа уи аҭыԥан иуԥылоит ашьхацәҳәыратәи ахәажәра, уи нахыс аҩада ашьхацәҳәыраҵаҟатәи ахәажәра гылоит, урҭ рҭыԥан амш. аҩ. аҟн. 2000-2500м аҳаракыраҟны ицәырҵуеит ашьхацәҳәыратәи аҳаскьынкьаҿқәа рыдәҳәыԥшқәа, ахаҳәеиқәҵақәеи, аԥали. Алра Ал бнара РАМП адгьылҵакыраҟны х-хкыкны иазҳауеит: аԥаҵа змоу ал, ал еиқәаҵәа, ал цәыш абна. Аԥаҵа змоу алреи, алра еиқәаҵәеи еиҳарак иахьырацәоу аӡхықәқәа рыҟноуп. Урҭ ахьыҿио алыкь ахьеизо аҭыԥ цәаакырақәа рыҟноуп. Алра анаалоит аӡиас Лашԥсы аҩхаа ахьыҭбаау аҭыԥқәа рыҟны, амш. аҩаӡ. 1600 м ихаланы. Иаҳа иахьцәаакыроу, иахьыхьшәашәароу абна акалҭқәа рыҟны, алқәа ахьаҿагылоу анаараҿы иуԥылоит аҳаскьын ҵиаақәа реихагыла-еиҵагыларақәа. Ал бнақәа рыҵаҟа еиҳа лассы-лассы иуԥылоит аҭырас астраусԥшра змоу, урҭ узрылымсуа ижәпаны иауны игылоит. Иеизааигәаӡаны игылоу алҵлақәа рыла ишьақәгылоу абнақәа ашә-аԥсаӡ бнақәа рылало иахьалаго аҭыԥ аҟны ицәырҵуеит ашә, аԥсаӡ, анҷа, араш ҵлақәа. Араҟагьы урҭ рыҵа ҳаскьынла иахьыхҟьоу, астраус ҭырас еиҳа ирацәоуп. Ацәаакыра агхацыԥхьаӡа ашәи аԥсаӡи еиҳа лассы-лассы иуԥыло иалагоит, астраус ҭырас еиҳа имаҷхоит, аха есааира иуԥыло иалагоит ацәырас, аҳәамҳәа ахәшә, иасменник афҩыхаа, ҵы́кә ихәшә (герань), амахәшәыга, уҳәа уб.егь. Ал бнара аӡхықәқәа рхахьы лассы-лассы иуԥылаӡом, аҵлақәа кьаҿуп. Урҭ рыҵаҟа, еиҳа алашара ахьыҟоу аҭыԥқәа рыҟны аҳаскьын ду гылоит, алада мыцхәы иахьцәаакыроу абаарра дәҳәыԥшқәа шьақәгылоит. Ал бнара гылоит асқәа рлеира иахҟьаны адгьыл ахқәацәаарақәа рыҟны. Анаҩс уи алра аҭыԥ ааныркылоит ара аԥсаӡ, ашә, анҷа. Ал цәыш абнара уԥылоит абжьаратә-хыхьтә маҟаҟны (1000-1600 амш.аҩ. аҟн.). Згәыцәқәа ҳараку аӡхықәҵлақәа ииуеит аӡиас Бзыԥ ахьлеиуа аладатәи аганахь. Цәаҳәақәак уԥылоит аӡхықәқәа рыҟны, урҭ реиҳарак акакала ма гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы ирацәамкәа игылоит. Алра гылоит, шамахамзар, анышә мыцхәы иахьцәааку, аӡышьҭрақәа ирываршәны, егьырҭ аҵлажәлақәа – ашә, аԥсаӡ ҵлақәа ахьанымаало аҭыԥқәа рыҟны. Арҭ абнақәа раԥхьа иргыланы аӡхықәқәа дырӷәӷәоит, иҿымбгаларц азы ирыцхраауеит. Ахьацареи ахьацеи аџьи рыла ишьақәгылоу ахьацара Ахьацара шьақәгылоит ахьеи, ашәи, аџь ҵлақәеи рыла иеилаԥсаны. Ари әа ажәла ахьанаало аҭыԥқәа рацәоуп. Еиҳа иугәаланаршәоит абжьынҵи ақьари. Ахьаца амацара иахьгылоу иаҵанакуа аҭыԥ маҷуп. Аӡиас ӷьаӷьа ақә аҟнытә аҩада акьыртә хәқәа рыҟны аџьтә-ахьацатә бнара иазҳауеит, уигь хыхьҟа аӡхықәқәа рыҟны ахьаца иаҳа ишеиҳаугьы иеилаԥсоу абнара гылоит, нас уигьы ашәтә-ахьацатә бнақәа рышҟа ииасуеит. ӷьаӷьатәи аҩхааҟны алашара ахьацәмаҷ у аҭыԥқәа рыҟны иазгәаҭоуп: ахьаца, аҭәаҵла, амҿыш, араш, анҷа. Аџь-ахьаца бнара аҩныҵҟа (200-400 м амш. аҩ. аҟн.) амзаҵла иацны аҿыбгарсҭақәеи рыҟны аӡиас Бзыԥ 2-3 км иаваршәны иазҳауеит аҵыҵындра ҵла. Аџьтә-ахьацатә бнара ачықьқәеи аҟармеи рахьтә иуԥылоит: аскумпиа, алымшәӡахәа́, аџьмарӡы́ӡыш. Игылоу аҳаскьын шьақәгылоуп еиҳарак сеслериа ҭагалантәи, аԥшьра а́хәшә... Ацаҟьақәа шамахамзар иуԥымло, даҽаџьара иуԥымло ахкқәа рымоуп: бзыԥтәи аҵыбра, ашәеры́ӡыӡ Амзара Кавказ иуԥыло амзаҵла хкқәа 5 рахьтә, РАМП иаҵанакуа аҭыԥҵакыраҟны изызҳауа хкык ауп – амзаҵла. Уи иамҽханакуеит  11,5 нызқь га раҟара. РАМП аҳәаақәа рыҟны иалкааны амзаҵла ахала иахьазҳауа абнара гылаӡом.   Иазҳауеит абна абжьаратәи аҩадатәи амаҟаҟны амш. аҩ. аҟн. 300 ин. 2200 м рҟынӡа, акыӡӷырақәа рыҟны, ахаҳәтә ҿыбгарсҭақәа рыҟны, аӡхықәқәа рыҟны. Амзаҵла абна дуқәа азгәаҭоуп Риҵа Ду алада-мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҿы, Ԥшьагьашьха мрагыларатәи акыӡӷыраҟны, насгьы Ҩыԥшара аӡ. аҩхааҟны. Амзаҵла гәыԥ хәыҷқәаны иуԥылоит Ӷьаӷьеи Ҩыԥшареи еиҩызшо акыӡӷқәа рыҟны иахьеилало аҭыԥ 2-3 км инахыкны аҟны амш. аҩ. аҟн. 400 ин. 600 м рҟынӡа аҳаракыраҟны, иара убас Бзыԥ аӡиас арӷьарахьтәи аӡхықә алада-мрагыларатәи ахәаҟны Ӷьаӷьа иахьалало аҭыԥ инахыкны. Амзаҵлақәа ара анаарақәа ирҿагылоуп егьырҭ аҵла жәлақәа ахьзымгыло ахаҳәрақәа рыҟны, абӷанҷ злоу анышә аҟны. Ара зҽеиҵыхны иҟоу қәрала иеиԥшым амзаҵлақәа еилагылоуп, анаара бааԥсқәа ирҿагылоуп зҽеидыԥсаланы иҟоу иеиқәлацәоу амзаҵлақәа. Амзаҵлеи аҵааҵлеи анаҟәоутә ҭыԥқәа рыҟны, анышә ахьыҟам аҭыԥқәа зегь раԥхьаӡа массала аҿиара иалагаз ҵла жәлақәоуп. Амзаҵл ахьҭа зычҳауа, алашара зҭаху, аха аԥхарра рацәак иашьҭам ҵла жәлоуп. Убри аҟнытә аҵла ҵиаақәа иахьрызҳауа хыхьтәи ашьхацәҳәыра аҳәаа аҟынӡа инаӡоит. Дара ихадоу х-гәыԥк рыла иушар ҟалоит: иҩоу амзаҵлақәа мамзаргьы ахра еибаркырақәа ирықәиаауа, аҳаскьынхкқәа змоуи, авҵиаа змоуи амзаҵлақәа ҳәа. РАМП амзаҵлақәа зеиԥш ыҟам ԥсабаратә шьақәгыларақәоуп, релиқттә ценозақәоуп (гәыԥқәоуп). Урҭ аҵиаа аизҳара иахьалахәу абнақәа рзеиԥш ландшафт аҟазшьа ҷыдарақәаки аиԥшымзаареи аланагалоит. Ашәтә-аԥсаратә бнара аизадара иаҿурԥшуазар амзара апеизаж ԥшӡа шьақәнаргылоит. Аԥсареи ашәтә-аԥсаҵлатә бнақәеи РАМП аҵиаа шьақәгыларақәа рахьтә иалукаартә иҟоуп аԥса ҵлақәеи ашә-аԥсаҵла бнақәа. Урҭ еиҳарак иахьҿио амш. аҩ. аҟн.800-1600 м аҳаракырақәа рыҟноуп, аха гәыԥқәак 300 м раҟара алада илбааны игылоит, иагьхалоит амш. аҩ. аҟн. 2200 м рҟынӡа. Арҭ абнақәа рыҟны иҳаракырахацыԥхьаӡа ашәҵлақәа еиҳа имаҷхоит. Аԥсаӡ ҵла (анхьча) аԥсарақәа рыҟны анышә иаҳа иахьыԥсыҽу ахаҳәраҟны иазҳауеит, ара аԥсаҵла аҿиара ацәыуадауп. Аԥсара заалыҵ (зымусҭа) ҳараку бноуп, 1га аҟны бжьаратәла 185 шықәса зхыҵуа аҵла иалҵуа 503 м3 артәоит, 300-500 шықәса зхыҵуа аԥса 60 м иҳаракны иазҳауеит, агәыцә адиаметр (ашәпара) 200-235 см ыҟоуп. Аԥса ҵлатә аԥса ҵла-ашәтә бнара хкы рацәала иеилоуп. Абжьаратәи аҩадатәи амаҟақәа рыҟны иахьбаррақәоу аҭыԥқәа рыҟны урҭ рыҵан игылоит ақьар, иара убас аҭырас, атрахистемона мрагыларатәи, ацәырас. Бжьаратәла ацәаакыра змоу анышә аҟны иҿоит аҳаскьынхкы зҵиаауа абнақәа. Ара иҟоуп колхидатәи ачықьқәа зҵиаауа абна. Урҭ ирылукаартә иҟоуп ашымҳа, ацәлаа, аӷьры́ // ады́ӷаџьа, абжьынҵ, ажьынҵәры. Лассы-лассы аԥсара аҭыԥан ашә бнара ахьгылогьы ыҟоуп. Ашә бнақәа Иеиуеиԥшым гәыԥла игылоит РАМП аҟны ашәҵлақәа. Урҭ еиҳарак иахьбарроу аҭыԥқәа рыҟны ирызҳауеит. Иахьцәаакыроу аҭыԥқәа рыҟны ирыҵиаауеит трахистемонеи ақьари, трахистемонеи аӷш ҵлеи еицны, мамзаргьы аҭырас зҵиаауа ашәра гылоит. РАМП абна маҟа зегьы ахьынӡанаӡааӡо, аладатәи аган ада, иҿиоит ашымҳа хәшәы, ацәлаа, ажьынҵәры, абжьынҵы зҵиаауа ашә бнара Бжьаратәла РАМП ашәтә бнараҿы изызҳауа аҵлақәа рықәра 95 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Амодельтә ҵлақәа 48,7м агылара змоу 340 шықәса рхыҵуеит, рышәпара 187 см ыҟоуп, егьи, 365 шықәса зхыҵуа - 49,5 м иҳаракуп, 193 см ишәпоуп.. Аԥса ҵла абнақәа РАМП аҟны аԥсара налукааша аҭыԥ ааныркылоит.Урҭ аландшафтшьақәыргылараҿы, аӡы-анышәхьчараҿы рроль дууп, аҳауашьақәыргыларатә функциақәагьы нарыгӡоит. Аԥсара даҽакы иаламҩашьо ахатә ҷыдара амоуп. Раԥхьа иргыланы иҳәатәуп, урҭ рыфлоратә беиара атәы, аҵла-чықьтәқәа 58 хкы ыҟоуп, аҳаскьынтә ҵиаа - 132 хкы. Рамп аҟны аԥса ҵла иацгылоит ашә ҵла, аха аԥса ҵла иахьазҳауа амаҟаҟны аҳра зуа иара ажәлоуп. Ашә бнақәа рыҟны аԥсаҵла налаԥсоит, субедификаторҵас (акәша-мыкәша анырра ҟазҵо, аԥхьагылара змоу). Аԥса ҵла агәыԥқәа рыҟны аҭыԥ ҷыда аннакылоит мрагыларатәи аԥсаӡ. Уи анаарақәа рыҟны, иахьбарроу аҭыԥқәа рыҟны иазҳауеит. Ашәҵлеи аԥсаӡи рыдагьы аԥсараҟны иҿиоит иара убас анҷақәа: абӷьы ҵар, аиавор, араш, аҭәаҵла, ааҵла, амзаҵла, аџь, аҵааҵла. Типла аԥсара гәыԥ-гәыԥла аҽашоит: ақьартәқәа, аҭырастәқәа, аҳаскьынтәқәа, аҳаскьынтә-ашьхацәҳәыратәқәа, колхидатәи абнагыларатәи ҳәа. Адәҳәыԥштә ҵиаақәа  Аҳаракырақәа рыҟны иҿио ашьхацәҳәыраҵаҟатәи ашьхацәҳәыратәи аҵиаақәа роуп. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи адәҳәыԥшқәа беиоуп ахәшәтәи, атехникатәи, акаучук змоу аҵиаақәа рыла. Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа амш. аҩ. аҟн. 3300 м аҳаракырахь ихалоит. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи адәҳәыԥшқәа рыҟны аҳаскьын жәпаны игылоит. Ара даара ирацәоуп ашәҭ зҿало аҳаскьын. Игыло аҳаскьын ҳаракуп. Ашьхацәҳәыра аладатәи амаҟаҟны иҿиоит кавказтәи ахәажә чықьра. Абна дәқәа рыҟны аҭырасра иазҳауеит. Аҳаскьынхкқәа ахьырацәоу адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит Ҵыкә ихәшә (герань), олимпиатәи аӡеизга, аҳәа́шьҭа шәҭы ду. Ашьхацәҳәыра аладатәи амаҟа аҩадатәи ацәаҳәаҟны ицәырҵуеит ҭагалан ишәҭуа алаҳәақәаџа ссир. Ашьхара дҳәыԥш дуқәа рхы иадырхәоит аԥхынтәи арахә рҳәырҭақәас, хкылагьы иӷаруп, ирызҳауеит: аџьаҟәа, ахәыц, амаҭ абз, аҭырас уҳәа уб.е гь. Ашьхацәҳәыратәи амаҟаҟны аҵиаа ашьхацәҳәыраҵаҟатәиқәа раасҭа аурыла акыр иеиҵоуп. Ашьхацәҳәыратәи адҳәыԥшқәа – адәҳәыԥштә зеиԥштә еизҳарахкқәа роуп, урҭ ирылоуп иеилаҟаца анышә шьақәзыргыло амиқәеи аҭыраси. Ашьхацәҳәыратәи адҳәыԥшқәа рыҟны ирызҳауеит иԥшӡаны ишәҭуа аҳаскьынгьы: ашьхацәҳәыратәи ауарҳалқәа аԥызҵо горечавка, ашьхадәыкрын. Ашьхацәҳәыратәи ауарҳалқәа шьақәгылоуп иеиуеиԥшым азеиԥш еизҳарахкқәа рыла. Урҭ рыҟны иуԥылоит алымҳардагәа, аҭырас, лассы-лассы ицәырҵуеит аҟы́зшьапқәа, ашьхадәыкрынқәа. Иуԥылоит вероникатә, аҷабҳаскьын ала ихҟьоу ауарҳалқәа. Асшәытақәа рааигәара иҿиоит ашьхацәҳәыратәи амарчқәа, Хәы́ҭибӷьыци, ахәрабӷьыци злаԥсоу иҷыдоу ауарҳалазеиԥш еизҳарахкқәа. Ахаҳәсса злоу анышәқәа рыҟны аҳаскьынгылара еиҳа иӷархоит, нас ацаҟьаԥҽыхақәа рыҟны изызҳауа аҵиаа хкқәа рахь ииасуеит. Аинтразоналтәи абаарратә ҵиаақәеи РАМП аҟны иҟоуп ацаҟьа ацаԥҽыхақәа рыҟны изызҳауа аҵиаа.Даҽакы иалаҩашьом аӡиасқәа Бзыԥи, ӷьеӷьеи, Ҩыԥшареи ирхықәгылоу акьырцаҟьақәа ирыду аҵиаахкқәа. Амра ахьыҟам ицәааку ацаҟьақәа рыҟны иазҳауеит Аԥсны ада даҽаџьара иуԥымло ашьхадәыкрынқәа. Уи рацәоуп ӷьаӷьа армарахьтәи ахықә ихықәгылоу ацаҟьа цәаакқәа рыҟны. Ара уи иацгылоит: аԥсы́цәгьара а́хәшә, абҟәылбӷьы, астра ... Абаарратә ҵиаақәа цәырҵуеит иалкааны ҭыԥкәак рыҟны. Аӡбаарратә дәҳәыԥш ҟьаҟьа шьҭоуп Анҽҳа ахыҵырҭа мраҭашаәратәи аган аҿы, ажәытәӡатәи аӡҭачы – ажәытәӡатәи аӡиа ахьҭатәаз аҭыԥан. Аторфтә баарраҿы, асахьаҳәыра - абаа́рра шы́цламшә зеиԥш еизҳараҟны ажәытәӡатәи аӡиа аҭыԥан иазҳауеит хыбӷьыӡк змоу авахта. Аӡ. Мзымҭа агәҭахьшәа иуԥылоит абаарра дәы, ара игылеит абна “хьынаа”, анышә аҳәазареи аҽеиҭакреи иахҟьаны изызҳаз аҵааҵла дуқәа рыла ишьақәгылоу абнара. Инарҭбааны аторф ахьамоу аҭыԥқәа рыҟны абореалтә хкқәа ирызҳауеит, аторф амчхра урҭ рыҟны џьар-џьара х-метрак рҟынӡа инаӡоит. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәии ашьхацәыҳратәи аҵиаақәа Ашьхацәҳәыратәи амаҟа аҵиаа еиуеиԥшымкәа иеилоуп. Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк аҩныҵҟа иҿиоит ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасреи абнаӷареи, иҳәазо ачықәқәеи, аҳаскьын ҳараки, адәҳәыԥшқәеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасра азеиԥшеизҳара хкы ендификаторны (ишьақәзыргыло) иамоуп аҵааҵлеи мрагыларатәи ашә ҵлеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аҵааҵлатә аасраҟны иеилаԥсоуп аҵааҵлеи, кавказтәи амҿыши, аԥслыши, ашьха нҷеи (Траутфеттера). Аасраҟны изызҳауа аҵлақәа 10 м рыҟнӡа иҳаракхоит, иагьхынааны иҟоуп уахьрыхәаԥшуа, акыр имахәҭаркуеит, ганрацәала аҟатагьы ахылҵуеит. Абнаҵаҟа ирызҳауеит: ахәамса, ашьхаражь, ахәар уҳәа уб.егь. Аҳаскьын игыло ҳаракуп. Аҵлақәа рымҵан иуԥылоит Ҵыкә ихәшә, абнатә геран, иасменник фҩыхаа уб. егь. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасраҟны аҵлажәлақәа рышьақәгылара аҽаԥсахлоит, уи арелиеф, аекспозициа, алитологиатә ҭагылазаашьа иахьыԥшуп. Абри аҟнытә аҵааҵлатә аасра шьақәгылоуп ахәажә зҵиаауа аҵааҵла бна ӷарреи аҳаскьын зҵиаауа аҵааҵла бна ӷарреи рыла. Ашәтә аасра иамҽханакуеит абна аҩадатәи аҳәааҟнытә алада улбаацыԥхьаӡа аҳауа ацәаакыреи аҳәырҭақәеи ирыхҟьаны. РАМП лассы-лассы иуԥылоит ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи ашәтә аасра аҳаскьын зҵиаауа. Аҵлатә еиҵагылара-еихагылара ашәҵлақәа, анҷа ҵлақәа, аԥслыш ҵлақәа рыла ишьақәгылоуп. Ачықьтә еиҵагылара-еихагылара рацәак иҿиаӡам, иуԥылоит аџьцәа, ажьынҵәры. Лассы- лассы иуԥылоит ашымҳа зҵиаауа ашәтә аасра. Аҵла еихагылара-еиҵагылараҟны еиҳа ирацәоуп ашә ҵла, уи иацгылоит амҿыш, анҷа, аԥсаӡ. Аҵлақәа ахьеилагылоу ибзианы иҿиоит ашымҳа хәшәи ады́ӷаџьеи. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аасраҟны иеилаԥсоу абнара еиҳа ибзианы игылоит агәаҩара хьшәашәарақәа рыҟны акыӡӷырақәа рҿы, уа, шамахамзар, анышә зынӡагьы иҟаӡам. Аҵлатә еиҵагылара-еихагыларақәа рыҟны иуԥылоит арасара, амҿыш, ашә ҵлақәа. Аҳаскьын ажәпара илагылоуп амаахыр, трахистемон, аџьармыхь, иара убас уарла-шәарла, ахәыц дагәа, алыкә, агеран, ашьапкьаҿ.РАМП аҩныҵҟа ашьхаҵәҳәыра аладахьтәи аасра злашьақәгылоу анҷаҵла алоуп. Уи ианаало ахәқәеи урҭ иаду анаарақәеи роуп. Анҷа ҵла Аԥсны ашьхаҵәҳәыра аладатәи амаҟаны зехьынџьара иуԥылоит. Ара Ауадҳара адәаҿи Анҽха ахыҵырҭаҟни мраҭашәареи аҩада-мраҭашәаратәи аекспозициаҟны уарла шәарла иуԥылоит акленарникқәа. Аӡ. Ауадҳара ахықә аҟны анҷа бна ӷарра апарктә ҟазшьоуп иамоу ма иеикәаԥсоу ҵлагылараны иҟоуп. Апарк ԥшра змоу анҷа бнараҟны аҵлақәа ма акакала инаскьага-ааскьаганы ма гәыԥ хәыҷқәаны игылоит. Аҵла гәыԥқәа рыбжьара анаара цәгьақәа рыҟны ашьхаҵәҳәыра аладахьы аҳаскьын ҳаракқәа ҿиоит, еиҳа иахьбарроу, аӡы ахьагу анаарақәа рыҟны – аҳаскьынхкырацәеи – амитә дәҳәыԥшқәа џьара-џьара аҳаскьын ҳаракқәа рылагылоуп. РАМП изызҳауа анҷара  уникалтәқәоуп, даҽакы иаламҩашьо ԥсабаратә цәырҵраны иҟоуп, урҭ хылҵшьҭрас ирымоу шьақәыргылаӡам азы хшыҩзышьҭра ду аҭаны иҭҵаатәу иагьыхьчатәу ҵла жәлоуп. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны аҵәцашлыхтә жәлақәа рыҟны абна ахьынҵәо анахыс ирызҳауеит – ахәажәра аԥслашқәеи аџьцәақәеи алаԥсаны, уи ахәажәи ажьынҵәри еилаԥсаны ачықь ҵиаа шьақәнаргылоит. Ахәажә еснагь ииаҵәоу икьаҿу чықьуп, абыӷьқәа шәпаны, ашәҭ шкәакәақәа ҿалоит, уи ародоретқәа рзеиԥш еизҳара хкы шьақәнаргылоит. Ҭагалан ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны заа илеиз асы аныӡыҭлак, уи аҩынтәраан ишәҭуеит. Ахәажә аҵаҟа ишьақәгылоит ашьха-дәҳәыԥштә нышә иеиԥшым аторф рацәаны излоу анышә. Ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи аҵиаа аҵакы даара иӷәӷәоуп. Уи аӡынызкыло, анышәзыхьчо, аҵаа, асқәа рлеира иаҿагылоу афункциақәа нанагӡоит, рапҳьа иргыланы, ашьхаҵәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны изызҳауа згәыцәҳараку абназы. Ашьхацәҳәыра амаҟаҟны аҵиаахкқәа рыҿиара агипсометриатә згәаҭарақәа рыҳаракыра, арелиеф аформа, иахьрызҳауа аҭыԥқәа редафиттә ҭагылазаашьа, иара убас егьырҭ аекологиатә факторқәа ирхьыԥшуп. Ахәажәра ҿиоит еиҳаракгьы ацәаакыра ахьамоу анаарақәа рыҟны, амш. аҩ. аҟн. 1400 м аҳаракырахь ихалоит. Афитоценологиа аганахьала урҭ агәыԥ дуқәа шьақәдыргылоит, рыҵан егьырҭ аҵиаақәа изрызҳаӡом ашәшьыра зычҳауа амезофилтә ҵиаақәа: ашьа́бҳаскьын, ажьынҵәры, ацәырас, иара убас алымшәҵыҭәа, ашыцламшә рыда. Антропогентә ҵиаақәа Амҩа ахықәқәа рыҟны анышә ахьыкәаҳау, аҳаскьын ахьыфоу аҭыԥқәа рыҟны ирызҳауеит асегеталтәи арудералтәи зеиԥш еизҳарахкқәа. Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә-ԥышәатә станциа астационарцәа Ачерқьес дәҳәыԥш аҟны аӡиа Риҵа акәша-мыкәша иеиҭарҳаз абнақәа рыҟны апаркқәа еиҿыркааит. Ихадоу арудералтә ҭыԥқәа рыҟны иеиҭаҳауп: амҵырбӷьы, абга аҵыхәа, аҭырас иаабац, амброзиа.  Дәҳәыԥшқәак рыҟны иуԥылоит ал қамса амҵан аҭырас, амаӷ ҳараки егьырҭ аҭыԥантәи ахкқәеи. А́маӷ ҳаракы цәырҵуеит иара убас ашьха ашьапаҿы абнараҟны амш. аҩ. аҟн.600 м аҳаракыраҟны. Еиҳарак злысра уадаҩу абнаршәырақәа рыҟны иазҳауеит, иара убас акьыртә ҿыбгарсҭақәа рыҟны. Ацәҳәырақәа рҿы иуԥыло егьырҭ аҳәирахкқәаны иҟоуп: аџьамԥа́з//ашьамашәыга, ахәац дагәа, ахәац шкәкакәа, иҷабуа алыкә, ацоупы́ иаабац. РАМП аҭыԥҵакыраҟны 1965 ш. инаркны Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә-ԥышәатә станциа имҩаԥнагоит аинтродукциатә (аҿыцлагалақәа) ԥышәаратә усурақәа ашьхатә ҳауашьцылатә ҭыԥқәа рыҟны: астационарқәа "Риҵа" (Рициатәи амҩаду 37 км рыҟны, амш. аҩ. аҟн. 900-950 м) , "Ауадҳара" (1650 м). "Риҵа" астационар аҟны иԥышәахоит 300 таксон. Иҳаҩсыз ашықәсқәа раантәи "Ауадҳара" астационар аиҭаҳатәқәа еиқәымхаӡеит иалагалаз аиҭаҳатәқәа рзы иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Аинтродукциа ахәышҭаараҟны иҟоуп аӡиа Риҵа азааигәара акурорттә ҭыԥ. Аиҳабыра рдачаҟны аҵлажәлақәа рахьтә ирызҳауеит анҷа бӷьыхәхәа, ачықьқәа рахьтә: ашьхаражь, ашьхарпаҿ. Аӡиа Риҵа апарк аҟны ирызҳауеит: араҵла, амҩа аҿықә аҟны - акатальпа, вистериа китаитәи, спиреи иапониатәи. Ауадҳара иҟоуп ашьхаҳаракыратә адгьылқәаарыхра ахәышҭаарақәа руакы (амш. аҩ. аҟн.1750 м). Абнахылаԥшҩы иҭыԥ аҟны ахьча игыларҭаҟны (аӡ. Лашԥсы арӷьарахьтәи аԥшаҳәа), иаадрыхуеит акартош, аҵыҵындра, аџьымшьы, аџыш уҳәа егьырҭ ауҭраҭыхтә культурақәа. Шәахә. иара убас Риҵа Риҵа маҷ Ахархәара змоу алитература Азхьарԥшқәа Аофициалтә саит www.tourister.ru – Рицинский реликтовый национальный парк Protected Planet. IUCN – Аҳәырԥсаррақәа рзы адунеизегьтәи адыррақәа рбаза Акатегориа:Аԥсны иҟоу амилаҭтә паркқәа Акатегориа:Аԥсны агеографиа Акатегориа:1930 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа Акатегориа:1996 шықәсазы ишьаҭаркыз аҳәырԥсаррақәа
37717
https://ab.wikipedia.org/wiki/Гарсиа_Лорка,_Федерико
Гарсиа Лорка, Федерико
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы}} '''Федерико Гарсиа Лорка''' ({{lang-es|Federico Garcia Lorka}}; {{date|5|6|1898}} — {{date|19|8|1936}}) — испаниатәи [[апоет]], [[адраматург]], иара убасгьы деицырдыруеит амузыкант асахьаҭыхҩы - аграфик иаҳасаб ала. ХХ ашәышықәсазы испаниатәи акультуратә усзуҩцәа, "27 ашықәсазтәи абиԥара" ҳәа изышьҭаз рахьтә иаарылукаауаз, инагаз, ахьӡ лашақәа дыруаӡәкуп. Федерико Гарсиа Лорка дшьын Испаниатәи Аграждантә еибашьра алагамҭазы.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/literature/text/2345360 |title=Archive copy |access-date=2024-01-25 |archive-date=2020-05-07 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200507042345/https://bigenc.ru/literature/text/2345360 |url-status=dead }}</ref> == Анысмҩа == Федерико Гарсиа Лорка диит ииун 5, 1898 шықәсазы Гранада азааигәара иҟаз ақыҭа Фуенте Вакерос аҟны. Иара иаб Федерико Гарсиа даара акрызкыз, қьырала аҩнқәа рызҭоз иакәын. Иара ԥҳәысс диман (ари аҩбатәи иԥҳәыс лакәын) Висенте Лорка, ақыҭа рҵаҩы. Лорка рҭаацәара зынӡа ԥшьҩык ахшара рыман — Федерико деиҳабын, уи ишьҭанеиуан Кансепсьон, Франциско, Исабель. Аҭаацәара даара зҳәоу еиқәшәаны инхоз ракәын. Ахәыҷқәа амузыкеи апоезиеи рдунеи аҟны ирызҳауан. Уи зегьы рыԥсҭазаара аҳаракырахь изгоз акәын, аамҭак анаҩс апоет ари аамҭа абас азиҳәоит: «Сара схәыҷра – ари ақыҭа, адәқәа, ахьшьцәа, ажәҩан, ауаа рыҟазаара ауп».<ref>http://feb-web.ru/feb/kle/kle-abc/ke2/ke2-0732.htm</ref> 1909 шықәса рзы, Гарсиа Лорка иҭаацәа нхара ҳәа Гранадаҟа ицоит. Ара Гарсиа Лорка диабадыруеит Антонио Сегура – Джузеппе Верди иҵаҩы, уи Федерико амузыкатә, аҟазара ду шилаз гәеиҭеит, дагьадиԥхьалоит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Сегура иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Абри алагьы Федерико Гарсиа Лорка имузыкатә мҩа хыркәшахеит. 1914 шықәсазы Гарсиа Лорка дҭалоит Гранадатәи ауниверситет азиндырра афакультет. Арԥыс ара аӡәырҩы драбадыруеит, урҭ «Закоулочники» ҳәа рхы иазырҳәон. Дара хәылбыҽхала еизон, ажәеинраалақәа ирыԥхьон, еилдыргон, урҭ ирылан аҟазара знапы алакызгьы, еицырдыруа апоетцәа апародиақәа рзыркуан. Арҭ ақәгыларақәа, аимак-аиҿакқәа, ахцәажәарақәа дрылахәын Федерикогьы, усҟан иара маӡала ажәеинраалақәа рыҩра далагахьан. Федерико Гарсиа Лорка раԥхьатәи илитературатә цәырҵра Гранада ауп иахьыҟалазгьы, 1918 шықәса рзы иҭыжьын амҩатә очеркқәа реизга «Впечатления и картины». Адырҩашықәсан, Лорка Мадридҟа нхара дцоит, аҳҭнықалақьтә университет алитературеи афилософиеи рфакультет дашьҭалоит. Ара «Астудентцәа ррезиденциа» ҳәа изышьҭаз астудентцәа рықалақь аҟны дынхон 1929 шықәсанӡа. Лорка истуденттә шықәсқәа раахыс иҩыза Луис Буниуель абас еиԥш игәалаиршәон арҭ ашықәсқәа: «…блестящий и чарующий молодой человек с явно видимым стремлением к изяществу и элегантности в одежде – его галстуки всегда отвечали самому безупречному вкусу…» — ҳәа.<ref>https://tunnel.ru/post-lorka-federiko-garsia</ref> Иаарласны Лорка аҳҭнықалақь аҿар зегьы деицырдыруа дҟалеит. Уи иуада «Арезиденциа» аҟны аҿар иреиқәшәарҭа ҭыԥ хаданы иҟалеит. Ҽнак зны, Федерико Гарсиа Лорка диабадырит жәибыжь шықәса зхыҵуаз арԥыс Сальвадор Дали, бзиагьы диамхабоит, уи дгомосексуалистын. Ас еиԥш иҟаз ацәаныррақәа иара Буниуель иахьгьы иман. Абас ишьақәгылеит арҭ рыхҩык ргәыԥ, дара еиуеиԥшым аҟазара ахырхарҭақәа рыла Испаниа адунеи аҟны еицырдыруа иҟарҵеит. Буниуели Далии гетросексуалцәаны излаҟаз ала, ара даҽа истандарттәым еизыҟазаашьак атәы аҳәара иашам. Гарсиа Лорка иҩызцәа зны-зынла иахьихыхәмаруаз атәы умҳәозар, аха иҳәатәуп ус изыҟазаашьа иара даара дшаргәаауаз.<ref>https://ktoikak.com/federiko-garsia-lorka-biografiya-kratko/</ref> == Гарсиа Лорка раԥхьатәи иаԥҵамҭақәа == Мадрид Лорка ирҿиаратә ҟазара иациҵеит. Уа иҩуеит, асценахьгьы ицәыригоит афантастикатә пиеса «Злые чары бабочки», уи афырхацәа хадақәа ахәаҷақәа ракәын. 1921 шықәса рзын иҭыҵит Гарсиа Лорка раԥхьатәи ипоетикатә ҭыжьымҭа — «Ажәеинраалақәа рышәҟәы» («Книга стихов») захьӡыз. Федерико ицәгьамкәаны дҭыхуан. Уи иҩызцәа Барселона иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵагьы еиҿыркааит, аха аусумҭақәа рацәак ауаа рылахь имааит. 1925 шықәсазы Федерико Гарсиа Лорка раԥхьаӡа акәны Кадакас инхоз Сальвадор Дали иҭаацәа дырҭаауеит. Уа иара длабадыруеит Сальвадор Дали иаҳәшьеиҵбы – Анна Мариа. Шықәсқәак инеиԥынкыланы есԥхынра Лорка Кадакасҟа даалон, Далии иареи рыгәқәа нибархаанӡа, урҭ еимаркыз еилкаам. Аӡӷаб лзын раԥхьатәи бзиабарахеит – Гарсиа Лорка. Лара агәра лгон Федерикогьы лара бзиа дшибо, убри аҟнытә акраамҭа дизыԥшын Лорка ԥҳәысс даниго ҳәа. Аха, Анна Мариа бзиа илбоз даныршь ашьҭахь, лыԥсҭазаара зегьы иара изын џьабарала илхылгеит.<ref>https://24smi.org/celebrity/24379-federiko-garsia-lorka.html</ref> == Гарсиа Лорка аҟазара аҟны == 1920-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа еицырдыруа апоет изын триуфмтә аамҭахеит. 1927 шықәсазы иқәыргылан еицырдыруа Гарсиа Лорка итрагедиа «Мариана Пинеда». Лорка ари ақәыргыламҭа акыршықәса аус адиулон. Ашкол данҭаз ашықәсқәа рзгьы апатриотка ареспубликанка Мариана Пинеда лҭоурых даара ацәанырра ӷәӷәақәа изцәырыргахьан, лара дыршьит 1831 шықәсазы, дзыхдырҟьазгьы ареволиуциатә лозунгқәа ақәгылаҩцәа рбираҟ аҟны иахьқәылҵазоуп, насгьы ақәгылаҩ Педро абахҭа аҟынтә ибналара дахьацхраази роуп. Гранада адәқәа руак аҟны Мариана лбаҟа ықәыргылан, Гарсиа даныхәыҷыз ари аҭыԥ лассы-лассы даҭаауан. Апиеса даара ақәҿиара ду аманы имҩаԥысуан Мадридтәи асцена аҟны. 1928 шықәса рзы иҭыҵит еицырдыруа иҟалаз Гарсиа Лорка иажәеинраалақәа реизга «Цыганский романсеро». Апоет испаниазегьтәи ахьӡ-аԥша иоуит.<ref>{{Cite web |url=https://zazeradio.com/culture/ispanskaya-poeziya-federiko-garsia-lorka/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-25 |archive-date=2021-08-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210804010924/https://zazeradio.com/culture/ispanskaya-poeziya-federiko-garsia-lorka/ |url-status=dead }}</ref> Ауаа «Романсеро» аҟнытә ажәеинраалақәа ҿырҳәала ирҵон, амҩақәа рҟны ашәаны ирҳәон. Федерико изкны алегендақәа аԥырҵон, иара деицырдыруа дҟалеит Тореро иеиԥш. Аха ас еиԥш иеицырдырра апоет акыр агәкаҳара ду изцәырнагоит, уи зыхҟьаз ҳәа џьоукы иазгәарҭон Далии иареи реиԥырҵра. Ишыҟазаалакгьы, Гарсиа Лорка ари агәкаҳара ихы алигеит Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь ихациркыз аныҟәарақәа рыла. Америка иара шықәсык инеиҳаны дыҟан. Дынхон Колумбиитәи ауниверситет азеиԥшнхарҭа аҟны, ара еиҳарак дзацәажәоз аиспанеццәа ракәын. Анаҩс Испаниа-Кубатәи аинститут апрезидент иааԥхьара ала Лорка Куба даҭаауеит, уа иара иҩуеит ажәеинраалақәа реизга «Мотивы сна». Ари ашәҟәгьы даара ақәҿиара ду аиуит. Убри аамҭаз, Испаниа даара иуадаҩхо иалагахьан аполитикатә ҭагылазаашьа. Амуниципалтә алхрақәа раан аиааира ргеит ареспубликанеццәа. Амонархиа хыбгалеит. Иаразнакгьы ацензура аԥырхит.<ref>https://spravochnick.ru/literatura/zarubezhnaya_literatura/tvorchestvo_federiko_garsia_lorki/</ref> Аинтеллигенциа аеифориа иҭанагалеит: ахақәиҭра!!! Уажәшьҭа адунеи иабараны иҟан ашәҟәқәеи, апиесақәеи, шықәсыла зҭыжьра азин ыҟамкәа ишьҭаз! Аҩрагьы иалагеит Анцәа досу ихы иааҭеигалоз зегьы. Апресса агәра згоз ауааԥсыра еичдырчо иалагеит. Иаразнак ицәырҵит европатәи азҵаарагьы. 1931 шықәсазы Ареспубликатә еиҳабыра рҵарадырра аминистрс дҟалеит, Фернандо де лос Риос, Гарсиа Лорка иҩыза, ирҵаҩы. Иара иагьалиршоит еиҭаҵуаз астуденттә театр аиҿкаара, уи дахагылан Федерико. Атеатр «Ла Барака» ахьӡырҵеит. Ари атеатр апоет иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы азикит. «Ла Барака» ахықәкы хада ахәаԥшыҩцәа рааӡара акәын. Ари атеатр асценаҿы раԥхьаӡа акәны иқәыргылан, анаҩс классикатә трагедиақәаны иҟалаз Гарсиа Лорка иаԥҵамҭақәа «Кровавая свадьба» (1933), «Донья Росита, девица, или Язык цветов» (1935), «Дом Бернарды Альба» (1936). Арҭ апиесақәа зегьы атрагедиа зцыз аиспан ҳәсақәа рлахьынҵа иазкын. Атеатр ақыҭақәеи апровинциалтә қалақьқәеи ирҭаауан, адәқәа рҟны иқәгылон, дара ирызгәдууз ахәаԥшыҩцәа зықьҩыла иаҭаауан.<ref>http://iessay.ru/ru/writers/foreign/l/lorka/sochineniya/obshhie-temy/zhizn-i-tvorchestvo-federiko-garsia-lorki</ref> == Лорка ипоезиа == Лорка апоезиагьы аганахь иаанижьуамызт. Иара ихьшәаз иҟазара иахылҿиааит «Плач по Игнасио Санчесу Михеасу», ари шедеврхеит. Апоет Гарсиа Лорка иҩыза аматодор Михеас дҭахеит 1935 шықәсазы акоррида аан. Аиашазы, алитература аҟны иуԥылоит агәаанагара, уи афашистцәа дҭадырхеит ҳәа, аха ас еиԥш агәаанагара иашамызт. Афашизм Испаниа, аиашазы, ирласны ахы шьҭнахуан, ашьаҭақәа аҳауан. Ари аҵысра даԥхьагылан аинрал Баамонде Франко.<ref>{{Cite web |url=http://www.haiam.ru/biography-kratkaya-zhizn-poet-97.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-25 |archive-date=2020-09-24 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200924142214/http://www.haiam.ru/biography-kratkaya-zhizn-poet-97.html |url-status=dead }}</ref> 1936 шықәса алагамҭазы атәылаҟны имҩаԥысуан акортес ахь алхрақәа. Арымарахьтәи амчрақәа Жәлар рыфронтны рҽеидыркылеит, февраль мза 16 рзы аиааирагьы ргоит. Дара ибзианы еилыркаауан ари атәыла ахыбгалареи, иара убасгьы аиспанеццәа рмилаҭттә халақәгаратә ус ахьи икылнагарц шалшоз. Аха Испаниа арратә напхгара аҳәынҭқарратә ааҳәра амҩаԥгара амҩа ахы азнакит. Франко абри амҩа мацара акәын Испаниа ахьчара, аҭамырхара ахьибоз. Иара еиликаауан ижьаз ажәлар ареспубликанеццәа ишрыдгылоз, афалангистцәа ракәзар, аханатә иаарылҟьоз адемократцәеи акоммунистцәеи ықәыргахьан. Аԥсадгьыл азы ақәԥара амшқәа раан, агазеҭ «Эль Соль» аҟны икьыԥхьын Гарсиа Лорка иҿцәажәара, уа иара дзыдгылоз зусҭцәоу мӡакәаны иаартны иҳәоит. Ахәҭакахь ала, иара абас азгәеиҭеит: «Сара ауаа зегьы срашьоуп, даара исцәымӷуп абстракттә националисттә идеиазы зхы иамеигӡо, илашәу рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара иахҟьаны». Гарсиа Лорка аполитика иагәылахалара, дарбанызаалак аиспанец изын ихьымӡӷу аидеологиа иманы, иара имнахуеит иганахьала ақәымчымра азын изакәзаалак иммунитетк. Лорка иҭаацәара рҟны ишаԥыз еиԥш, иԥшьоу Федерико имш аҽны зегьы Гранада иҭаацәа рыҩны еиқәшәон. Аха, уи мышкы шагыз иара Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь емиграциа аамҭала дцарц иабжьыргоит. Аха, иара уи мап ацәикит.<ref>https://rossaprimavera.ru/article/ed663bd3</ref> == Гарсиа Лорка иҭахара == Федерико Гарсиа Лорка иҩыза Рафаель Мартинес Надаль иоуп Мадрид аҵыхәтәан дызбоз, уи нас игәалаиршәон, аԥхын 1936 шықәса рзы апоет даара илахь шеиқәыз, дшәаҟьаны игәы каҳаны дшыҟаз. Ииуль мза 16, 1936 шықәсазы Гарсиа Лорка Мадриднтәи Гранадаҟа амҩа дықәлоит, ииуль мза 18 рзы иалагеит афашисттә қәгылара. Урҭ еиҳаракгьы гәымбылџьбарала изызныҟәоз Гранада иҟаз аполитикатә ҿагылаҩцәа ракәын. Зехьынџьара ицон арбаандаҩрақәа, аҿахәҿыхрақәа, ауаа иргәыдҵаны иреихсны иршьуан…<ref>http://www.garcia-lorca.ru/tayna-smerti/versii-ubiystva-lorki.html</ref> Ас еиԥш ақәгыларақәа ирылагеижьҭеи ҩымш ааҵхьаны еиԥш, Федерико Гарсиа Лорка иаҳәшьа лхаҵа Мануель Фернандес Монтесинос ддырбаандаҩуеит. Даҽа мышқәак рнаҩс рыҩны инеины абаҳчаҟны аус зуаз иашьа дырбаандаҩны дыргоит, Федерико Лоркагьы анаҩстәи уара уакәхоит ҳәагьы иарҳәоит, «избанзар уара уҩымҭақәа рыла еиҳа ааха ҳауҭеит, тапанчала раасҭа» — ҳәа азгәаҭаны. Иӡбан, Федерико, апоет Луис Росалес иҟны иҵәахра, уи иашьцәа «афалагистцәа» хадацәас ирыман. Ҩымчыбжьа Лорка Росалес иҩны иҽыԥхьакны дыҟан. Аха уеизгьы дрыԥшаауеит. Август 16, 1936 шықәсазы, ашарԥазы, апоет ииарҭа дшылаз дылганы дыргоит, аҽыԥсаххаҵәҟьагьы имҭакәа.<ref>http://20v-euro-lit.niv.ru/20v-euro-lit/gibson-granada-ubijstvo-lorki/pochemu-ubili-garsia-lorku.htm</ref> Лорка иҩыза бзиа, еицырдыруаз акомпозитор Мануель де Фалиа гранадатәи афаланга анапхгаҩцәа рахь дцоит Федерико деиқәирхаразы. Аха уа иара иарҳәоит, Лорка иҩымҭақәа рыла еиҳа ааха шриҭаз, егьырҭ тапанчала ирырҭаз ааха аасҭа ҳәа. Апоет иҭархара шыҟалаз атәы рацәак еилкаам. Ирҳәон, август 19 ауха зегьы Федерико ицҭакыз иҩызцәа ргәы ирхаҵон ҳәа. Ашьыжь иара ишьҭаланы иааит, иара иаразнак еиликааит урҭ зхааз аҟынтә, ауахәама аусзуҩы дизааргарц аҳәара ҟаиҵеит ҳәа. Ауаа иреихсны изшьуаз хатәгәаԥхарала уи ҟазҵарц зҭахыз ракәын. Федерико дшьын Фуенте-Гранд азеиҭынҵлақәа иахьрызҳауаз абаҳча азааигәара.<ref>https://tvrain.ru/news/poet_federiko_garsia_lorka_byl_ubit_po_prikazu_fra-386343/</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Рашәарамза 5 рзы ииз]] [[Акатегориа:1898 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Нанҳәамза 19 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1936 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Испаниатәи апоетцәа]] [[Акатегориа:Испаниатәи адраматургцәа]] [[Акатегориа:Испаниатәи атеатртә режиссиорцәа]] [[Акатегориа:Асонетистцәа]] [[Акатегориа:Андалусиатәи ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Антифашистцәа]] [[Акатегориа:Колумбиатәи ауниверситет Азеиԥштә ҭҵаарақәа рышкол аушьҭымҭацәа]] [[Акатегориа:Гранадатәи ауниверситет аушьҭымҭацәа]] [[Акатегориа:Испаниатәи атәылауаҩратә еибашьраҟны иҭахаз ауаа]] [[Акатегориа:Испаниатәи атәылауаҩратә еибашьраҟны аибашьратә цәгьаурақәа]] [[Акатегориа:Иршьыз ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Иршьыз аиспанцәа]]
Федерико Гарсиа Лорка (; — ) — испаниатәи апоет, адраматург, иара убасгьы деицырдыруеит амузыкант асахьаҭыхҩы - аграфик иаҳасаб ала. ХХ ашәышықәсазы испаниатәи акультуратә усзуҩцәа, "27 ашықәсазтәи абиԥара" ҳәа изышьҭаз рахьтә иаарылукаауаз, инагаз, ахьӡ лашақәа дыруаӡәкуп. Федерико Гарсиа Лорка дшьын Испаниатәи Аграждантә еибашьра алагамҭазы. Анысмҩа Федерико Гарсиа Лорка диит ииун 5, 1898 шықәсазы Гранада азааигәара иҟаз ақыҭа Фуенте Вакерос аҟны. Иара иаб Федерико Гарсиа даара акрызкыз, қьырала аҩнқәа рызҭоз иакәын. Иара ԥҳәысс диман (ари аҩбатәи иԥҳәыс лакәын) Висенте Лорка, ақыҭа рҵаҩы. Лорка рҭаацәара зынӡа ԥшьҩык ахшара рыман — Федерико деиҳабын, уи ишьҭанеиуан Кансепсьон, Франциско, Исабель. Аҭаацәара даара зҳәоу еиқәшәаны инхоз ракәын. Ахәыҷқәа амузыкеи апоезиеи рдунеи аҟны ирызҳауан. Уи зегьы рыԥсҭазаара аҳаракырахь изгоз акәын, аамҭак анаҩс апоет ари аамҭа абас азиҳәоит: «Сара схәыҷра – ари ақыҭа, адәқәа, ахьшьцәа, ажәҩан, ауаа рыҟазаара ауп».http://feb-web.ru/feb/kle/kle-abc/ke2/ke2-0732.htm 1909 шықәса рзы, Гарсиа Лорка иҭаацәа нхара ҳәа Гранадаҟа ицоит. Ара Гарсиа Лорка диабадыруеит Антонио Сегура – Джузеппе Верди иҵаҩы, уи Федерико амузыкатә, аҟазара ду шилаз гәеиҭеит, дагьадиԥхьалоит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Сегура иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Абри алагьы Федерико Гарсиа Лорка имузыкатә мҩа хыркәшахеит. 1914 шықәсазы Гарсиа Лорка дҭалоит Гранадатәи ауниверситет азиндырра афакультет. Арԥыс ара аӡәырҩы драбадыруеит, урҭ «Закоулочники» ҳәа рхы иазырҳәон. Дара хәылбыҽхала еизон, ажәеинраалақәа ирыԥхьон, еилдыргон, урҭ ирылан аҟазара знапы алакызгьы, еицырдыруа апоетцәа апародиақәа рзыркуан. Арҭ ақәгыларақәа, аимак-аиҿакқәа, ахцәажәарақәа дрылахәын Федерикогьы, усҟан иара маӡала ажәеинраалақәа рыҩра далагахьан. Федерико Гарсиа Лорка раԥхьатәи илитературатә цәырҵра Гранада ауп иахьыҟалазгьы, 1918 шықәса рзы иҭыжьын амҩатә очеркқәа реизга «Впечатления и картины». Адырҩашықәсан, Лорка Мадридҟа нхара дцоит, аҳҭнықалақьтә университет алитературеи афилософиеи рфакультет дашьҭалоит. Ара «Астудентцәа ррезиденциа» ҳәа изышьҭаз астудентцәа рықалақь аҟны дынхон 1929 шықәсанӡа. Лорка истуденттә шықәсқәа раахыс иҩыза Луис Буниуель абас еиԥш игәалаиршәон арҭ ашықәсқәа: «…блестящий и чарующий молодой человек с явно видимым стремлением к изяществу и элегантности в одежде – его галстуки всегда отвечали самому безупречному вкусу…» — ҳәа.https://tunnel.ru/post-lorka-federiko-garsia Иаарласны Лорка аҳҭнықалақь аҿар зегьы деицырдыруа дҟалеит. Уи иуада «Арезиденциа» аҟны аҿар иреиқәшәарҭа ҭыԥ хаданы иҟалеит. Ҽнак зны, Федерико Гарсиа Лорка диабадырит жәибыжь шықәса зхыҵуаз арԥыс Сальвадор Дали, бзиагьы диамхабоит, уи дгомосексуалистын. Ас еиԥш иҟаз ацәаныррақәа иара Буниуель иахьгьы иман. Абас ишьақәгылеит арҭ рыхҩык ргәыԥ, дара еиуеиԥшым аҟазара ахырхарҭақәа рыла Испаниа адунеи аҟны еицырдыруа иҟарҵеит. Буниуели Далии гетросексуалцәаны излаҟаз ала, ара даҽа истандарттәым еизыҟазаашьак атәы аҳәара иашам. Гарсиа Лорка иҩызцәа зны-зынла иахьихыхәмаруаз атәы умҳәозар, аха иҳәатәуп ус изыҟазаашьа иара даара дшаргәаауаз.https://ktoikak.com/federiko-garsia-lorka-biografiya-kratko/ Гарсиа Лорка раԥхьатәи иаԥҵамҭақәа Мадрид Лорка ирҿиаратә ҟазара иациҵеит. Уа иҩуеит, асценахьгьы ицәыригоит афантастикатә пиеса «Злые чары бабочки», уи афырхацәа хадақәа ахәаҷақәа ракәын. 1921 шықәса рзын иҭыҵит Гарсиа Лорка раԥхьатәи ипоетикатә ҭыжьымҭа — «Ажәеинраалақәа рышәҟәы» («Книга стихов») захьӡыз. Федерико ицәгьамкәаны дҭыхуан. Уи иҩызцәа Барселона иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵагьы еиҿыркааит, аха аусумҭақәа рацәак ауаа рылахь имааит. 1925 шықәсазы Федерико Гарсиа Лорка раԥхьаӡа акәны Кадакас инхоз Сальвадор Дали иҭаацәа дырҭаауеит. Уа иара длабадыруеит Сальвадор Дали иаҳәшьеиҵбы – Анна Мариа. Шықәсқәак инеиԥынкыланы есԥхынра Лорка Кадакасҟа даалон, Далии иареи рыгәқәа нибархаанӡа, урҭ еимаркыз еилкаам. Аӡӷаб лзын раԥхьатәи бзиабарахеит – Гарсиа Лорка. Лара агәра лгон Федерикогьы лара бзиа дшибо, убри аҟнытә акраамҭа дизыԥшын Лорка ԥҳәысс даниго ҳәа. Аха, Анна Мариа бзиа илбоз даныршь ашьҭахь, лыԥсҭазаара зегьы иара изын џьабарала илхылгеит.https://24smi.org/celebrity/24379-federiko-garsia-lorka.html Гарсиа Лорка аҟазара аҟны 1920-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа еицырдыруа апоет изын триуфмтә аамҭахеит. 1927 шықәсазы иқәыргылан еицырдыруа Гарсиа Лорка итрагедиа «Мариана Пинеда». Лорка ари ақәыргыламҭа акыршықәса аус адиулон. Ашкол данҭаз ашықәсқәа рзгьы апатриотка ареспубликанка Мариана Пинеда лҭоурых даара ацәанырра ӷәӷәақәа изцәырыргахьан, лара дыршьит 1831 шықәсазы, дзыхдырҟьазгьы ареволиуциатә лозунгқәа ақәгылаҩцәа рбираҟ аҟны иахьқәылҵазоуп, насгьы ақәгылаҩ Педро абахҭа аҟынтә ибналара дахьацхраази роуп. Гранада адәқәа руак аҟны Мариана лбаҟа ықәыргылан, Гарсиа даныхәыҷыз ари аҭыԥ лассы-лассы даҭаауан. Апиеса даара ақәҿиара ду аманы имҩаԥысуан Мадридтәи асцена аҟны. 1928 шықәса рзы иҭыҵит еицырдыруа иҟалаз Гарсиа Лорка иажәеинраалақәа реизга «Цыганский романсеро». Апоет испаниазегьтәи ахьӡ-аԥша иоуит. Ауаа «Романсеро» аҟнытә ажәеинраалақәа ҿырҳәала ирҵон, амҩақәа рҟны ашәаны ирҳәон. Федерико изкны алегендақәа аԥырҵон, иара деицырдыруа дҟалеит Тореро иеиԥш. Аха ас еиԥш иеицырдырра апоет акыр агәкаҳара ду изцәырнагоит, уи зыхҟьаз ҳәа џьоукы иазгәарҭон Далии иареи реиԥырҵра. Ишыҟазаалакгьы, Гарсиа Лорка ари агәкаҳара ихы алигеит Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь ихациркыз аныҟәарақәа рыла. Америка иара шықәсык инеиҳаны дыҟан. Дынхон Колумбиитәи ауниверситет азеиԥшнхарҭа аҟны, ара еиҳарак дзацәажәоз аиспанеццәа ракәын. Анаҩс Испаниа-Кубатәи аинститут апрезидент иааԥхьара ала Лорка Куба даҭаауеит, уа иара иҩуеит ажәеинраалақәа реизга «Мотивы сна». Ари ашәҟәгьы даара ақәҿиара ду аиуит. Убри аамҭаз, Испаниа даара иуадаҩхо иалагахьан аполитикатә ҭагылазаашьа. Амуниципалтә алхрақәа раан аиааира ргеит ареспубликанеццәа. Амонархиа хыбгалеит. Иаразнакгьы ацензура аԥырхит.https://spravochnick.ru/literatura/zarubezhnaya_literatura/tvorchestvo_federiko_garsia_lorki/ Аинтеллигенциа аеифориа иҭанагалеит: ахақәиҭра!!! Уажәшьҭа адунеи иабараны иҟан ашәҟәқәеи, апиесақәеи, шықәсыла зҭыжьра азин ыҟамкәа ишьҭаз! Аҩрагьы иалагеит Анцәа досу ихы иааҭеигалоз зегьы. Апресса агәра згоз ауааԥсыра еичдырчо иалагеит. Иаразнак ицәырҵит европатәи азҵаарагьы. 1931 шықәсазы Ареспубликатә еиҳабыра рҵарадырра аминистрс дҟалеит, Фернандо де лос Риос, Гарсиа Лорка иҩыза, ирҵаҩы. Иара иагьалиршоит еиҭаҵуаз астуденттә театр аиҿкаара, уи дахагылан Федерико. Атеатр «Ла Барака» ахьӡырҵеит. Ари атеатр апоет иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы азикит. «Ла Барака» ахықәкы хада ахәаԥшыҩцәа рааӡара акәын. Ари атеатр асценаҿы раԥхьаӡа акәны иқәыргылан, анаҩс классикатә трагедиақәаны иҟалаз Гарсиа Лорка иаԥҵамҭақәа «Кровавая свадьба» (1933), «Донья Росита, девица, или Язык цветов» (1935), «Дом Бернарды Альба» (1936). Арҭ апиесақәа зегьы атрагедиа зцыз аиспан ҳәсақәа рлахьынҵа иазкын. Атеатр ақыҭақәеи апровинциалтә қалақьқәеи ирҭаауан, адәқәа рҟны иқәгылон, дара ирызгәдууз ахәаԥшыҩцәа зықьҩыла иаҭаауан.http://iessay.ru/ru/writers/foreign/l/lorka/sochineniya/obshhie-temy/zhizn-i-tvorchestvo-federiko-garsia-lorki Лорка ипоезиа Лорка апоезиагьы аганахь иаанижьуамызт. Иара ихьшәаз иҟазара иахылҿиааит «Плач по Игнасио Санчесу Михеасу», ари шедеврхеит. Апоет Гарсиа Лорка иҩыза аматодор Михеас дҭахеит 1935 шықәсазы акоррида аан. Аиашазы, алитература аҟны иуԥылоит агәаанагара, уи афашистцәа дҭадырхеит ҳәа, аха ас еиԥш агәаанагара иашамызт. Афашизм Испаниа, аиашазы, ирласны ахы шьҭнахуан, ашьаҭақәа аҳауан. Ари аҵысра даԥхьагылан аинрал Баамонде Франко. 1936 шықәса алагамҭазы атәылаҟны имҩаԥысуан акортес ахь алхрақәа. Арымарахьтәи амчрақәа Жәлар рыфронтны рҽеидыркылеит, февраль мза 16 рзы аиааирагьы ргоит. Дара ибзианы еилыркаауан ари атәыла ахыбгалареи, иара убасгьы аиспанеццәа рмилаҭттә халақәгаратә ус ахьи икылнагарц шалшоз. Аха Испаниа арратә напхгара аҳәынҭқарратә ааҳәра амҩаԥгара амҩа ахы азнакит. Франко абри амҩа мацара акәын Испаниа ахьчара, аҭамырхара ахьибоз. Иара еиликаауан ижьаз ажәлар ареспубликанеццәа ишрыдгылоз, афалангистцәа ракәзар, аханатә иаарылҟьоз адемократцәеи акоммунистцәеи ықәыргахьан. Аԥсадгьыл азы ақәԥара амшқәа раан, агазеҭ «Эль Соль» аҟны икьыԥхьын Гарсиа Лорка иҿцәажәара, уа иара дзыдгылоз зусҭцәоу мӡакәаны иаартны иҳәоит. Ахәҭакахь ала, иара абас азгәеиҭеит: «Сара ауаа зегьы срашьоуп, даара исцәымӷуп абстракттә националисттә идеиазы зхы иамеигӡо, илашәу рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара иахҟьаны». Гарсиа Лорка аполитика иагәылахалара, дарбанызаалак аиспанец изын ихьымӡӷу аидеологиа иманы, иара имнахуеит иганахьала ақәымчымра азын изакәзаалак иммунитетк. Лорка иҭаацәара рҟны ишаԥыз еиԥш, иԥшьоу Федерико имш аҽны зегьы Гранада иҭаацәа рыҩны еиқәшәон. Аха, уи мышкы шагыз иара Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь емиграциа аамҭала дцарц иабжьыргоит. Аха, иара уи мап ацәикит.https://rossaprimavera.ru/article/ed663bd3 Гарсиа Лорка иҭахара Федерико Гарсиа Лорка иҩыза Рафаель Мартинес Надаль иоуп Мадрид аҵыхәтәан дызбоз, уи нас игәалаиршәон, аԥхын 1936 шықәса рзы апоет даара илахь шеиқәыз, дшәаҟьаны игәы каҳаны дшыҟаз. Ииуль мза 16, 1936 шықәсазы Гарсиа Лорка Мадриднтәи Гранадаҟа амҩа дықәлоит, ииуль мза 18 рзы иалагеит афашисттә қәгылара. Урҭ еиҳаракгьы гәымбылџьбарала изызныҟәоз Гранада иҟаз аполитикатә ҿагылаҩцәа ракәын. Зехьынџьара ицон арбаандаҩрақәа, аҿахәҿыхрақәа, ауаа иргәыдҵаны иреихсны иршьуан…http://www.garcia-lorca.ru/tayna-smerti/versii-ubiystva-lorki.html Ас еиԥш ақәгыларақәа ирылагеижьҭеи ҩымш ааҵхьаны еиԥш, Федерико Гарсиа Лорка иаҳәшьа лхаҵа Мануель Фернандес Монтесинос ддырбаандаҩуеит. Даҽа мышқәак рнаҩс рыҩны инеины абаҳчаҟны аус зуаз иашьа дырбаандаҩны дыргоит, Федерико Лоркагьы анаҩстәи уара уакәхоит ҳәагьы иарҳәоит, «избанзар уара уҩымҭақәа рыла еиҳа ааха ҳауҭеит, тапанчала раасҭа» — ҳәа азгәаҭаны. Иӡбан, Федерико, апоет Луис Росалес иҟны иҵәахра, уи иашьцәа «афалагистцәа» хадацәас ирыман. Ҩымчыбжьа Лорка Росалес иҩны иҽыԥхьакны дыҟан. Аха уеизгьы дрыԥшаауеит. Август 16, 1936 шықәсазы, ашарԥазы, апоет ииарҭа дшылаз дылганы дыргоит, аҽыԥсаххаҵәҟьагьы имҭакәа.http://20v-euro-lit.niv.ru/20v-euro-lit/gibson-granada-ubijstvo-lorki/pochemu-ubili-garsia-lorku.htm Лорка иҩыза бзиа, еицырдыруаз акомпозитор Мануель де Фалиа гранадатәи афаланга анапхгаҩцәа рахь дцоит Федерико деиқәирхаразы. Аха уа иара иарҳәоит, Лорка иҩымҭақәа рыла еиҳа ааха шриҭаз, егьырҭ тапанчала ирырҭаз ааха аасҭа ҳәа. Апоет иҭархара шыҟалаз атәы рацәак еилкаам. Ирҳәон, август 19 ауха зегьы Федерико ицҭакыз иҩызцәа ргәы ирхаҵон ҳәа. Ашьыжь иара ишьҭаланы иааит, иара иаразнак еиликааит урҭ зхааз аҟынтә, ауахәама аусзуҩы дизааргарц аҳәара ҟаиҵеит ҳәа. Ауаа иреихсны изшьуаз хатәгәаԥхарала уи ҟазҵарц зҭахыз ракәын. Федерико дшьын Фуенте-Гранд азеиҭынҵлақәа иахьрызҳауаз абаҳча азааигәара.https://tvrain.ru/news/poet_federiko_garsia_lorka_byl_ubit_po_prikazu_fra-386343/ Азгәаҭақәа Акатегориа:Рашәарамза 5 рзы ииз Акатегориа:1898 шықәсазы ииз Акатегориа:Нанҳәамза 19 рзы иԥсыз Акатегориа:1936 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Испаниатәи апоетцәа Акатегориа:Испаниатәи адраматургцәа Акатегориа:Испаниатәи атеатртә режиссиорцәа Акатегориа:Асонетистцәа Акатегориа:Андалусиатәи ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Антифашистцәа Акатегориа:Колумбиатәи ауниверситет Азеиԥштә ҭҵаарақәа рышкол аушьҭымҭацәа Акатегориа:Гранадатәи ауниверситет аушьҭымҭацәа Акатегориа:Испаниатәи атәылауаҩратә еибашьраҟны иҭахаз ауаа Акатегориа:Испаниатәи атәылауаҩратә еибашьраҟны аибашьратә цәгьаурақәа Акатегориа:Иршьыз ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Иршьыз аиспанцәа
37718
https://ab.wikipedia.org/wiki/Макиавелли,_Никколо
Макиавелли, Никколо
[[Афаил:Portrait_of_Niccolò_Machiavelli_by_Santi_di_Tito.jpg|мини|Никколо Макиавелли]] '''Никко́ло Макиаве́лли''' ({{lang-it|Niccolò di Bernardo dei Machiavelli}}; {{date|3|5|1469}}, Флоренциа — {{date|22|6|1527}}) — италиатәи афилософ, аполитикатә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, арра-теоретикатә усумҭақәа равтор. == Никколо Макиавелли иԥсҭазаара. == Никколо Макиавелли диит лаҵарамза 3, 1469 шықәсазы Флоренциа, адукат Бернардо Макиавелли иҭаацәараҿы. Уи аҭаацәа абжьаратә класс ишаҵанакуазгьы, рсоциалтә ҭагылазаашьа бааԥсын. Макиавеллиаа рышьҭра аҭоурых ду аман, урҭ флоренциатәи аполитика еснагь иалахәын. Никколо даниз аамҭазы рыжәлантәқәа рхыԥхьаӡара маҷхоит, ирымаз ахыԥша рцәыӡуеит. Макиавелли иаб рыжәлаҿы зегь реиҳа дӷарын, ахаангьы амаҵзура бзиақәа имамызт. Иара дзиндырҩын, имаз дгьылқәак рҟынтәигьы аԥара иоуан, аха уи ахашәала аҭаацәара ирызхомызт, Никколо ашәҟәқәаҵәҟьа раахәаразы аԥара имамызт.<ref>Макиавелли / О. Ф. Кудрявцев // Новая философская энциклопедия : в 4 т. / пред. науч.-ред. совета В. С. Стёпин. — 2-е изд., испр. и доп. — М. : Мысль, 2010. — 2816 с.</ref> Быжьшықәса анихыҵ алатин бызшәа аҵара далагоит, имч злақәхоз ала аҵара бзиа иоуеит. Алатинтәи, италиатәи аклассика ибзианы идыруан, иҭиҵаауан Тит Ливи иҩымҭа "Рим аҭоурых". Анаҩс уи шьаҭас иаиуит Макиавелли иусумҭа "Тит Ливи раԥхьатәи идекада азы ахцәажәарақәа рҿы". Дрыԥхьон Цицерони Иосиф Флавии рҩымҭақәа. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, иусумҭақәа уанрыԥхьо идыррақәа шҵаулоу убоит, ауниверситет далгазшәагьы агәаанагара цәырҵуеит, аха усеиԥш уи азы џьаргьы адыррақәа ыҟам. Иҟоуп агәаанагара, Макиавелли азиндырра иҵон Флоренциатәи ауниверситет аҿы, уи Марчелло Адриани ирҵаҩцәа дыруаӡәкын ҳәа. Абиограф-аҭоурыхҭҵааҩ Роберто Ридольфи Макиавелли игны, иоура маҷны, ицәа шкәакәаны, ихы хәыҷны даирбон.<ref>https://smekni.com/a/25246/pravlenie-doma-medichi-vo-florentsii-v-xv-veke-po-istoriyam-florentsii-franchesko-gvichchardini-i-nikkolo-makiavelli/</ref> Никколо Макиавелли иԥсҭазаара мҩаԥысуан ишәарҭаз, аха аинтерес зцыз апериод аан, Италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәа атәымтәылақәа рнапаҵаҟа ианыҟаз. Уи аепоха узқәымгәыӷуаз аидгыларақәеи арҳәрақәеи ираамҭан. Макиавелли иқәыԥшымҭаз Флоренциа республиканы Медичи рыклан анапаҵаҟа иҟан. Абҵарамза 1494 шықәсазы аҳ Карл VIII франциатәи ир Италиа иалаигалоит, Флоренцианӡагьы инеиуеит, Медичи рымчра каҳауеит. 1498 шықәсазы аполитикаҿы дцәырҵуеит Макиавелли. Зегь реиҳа изаатәу аполитикаҿы иус шалаз атәы зҳәоз асаламшәыҟәқәа ҩба ршаҳаҭганы иаанхеит.<ref>И. Берлин. ОРИГИНАЛЬНОСТЬ МАКИАВЕЛЛИ. Человек №2-4, 2001 г.</ref> 1494 шықәсазы Макиавелли Флоренциатәи ареспублика ашҟа амаҵзурахьы днеиуеит. Уаҟа 14 шықәса рыҩныҵҟа аус иуан, инаигӡон еиуеиԥшым адипломатиатә напынҵақәа. Италиа усҟан еихшаны иҟан. Иара иаб данԥсы, 1500 шықәсазы, аҭаацәара дреиҳабхоит, анаҩс ԥҳәысс дигоит ижәытәӡоу ажәла Корсини аҟнытә аҭыԥҳа – Мариетта ди Луиџьи. Макиавелли еиқәиршәеит уи аамҭазы зқьыла асаламшәыҟәқәа, ажәахәқәа, ажәабжькьаҿқәа. Никколо Макиавелли илшеит Флоренциа раԥхьаӡа акәны ақалақь ар аиҿкаара. Ԥхынҷкәынмза 6, 1506 шықәсазы Никколо Макиавелли иусумҭақәа шьаҭас иганы, "Асовет дуи" "8-ҩык Рсовети" еиҿыркаауеит "9-ҩык ркомиссиа", уи Флоренциа арратә мчқәа рнапхгара акәхоит. Макиавелли ишьақәиргылоит арратә ԥҟаԥҵәа, акомиссиа ҿыц маӡаныҟәгаҩсгьы дҟалоит. Анаҩсгьы уи иабзоураны Флоренциа Пиза архынҳәуеит. ''Алексеев А. С.'' Макиавелли, как политический мыслитель. — М.: А. Л. Васильев, 1880.<ref>''Алексеев А. С.'' Макиавелли, как политический мыслитель. — М.: А. Л. Васильев, 1880.</ref> 1512 шықәсазы Медичи Флоренциаҟа ихынҳәуеит, мчыла аиҳабыра рнапаҿы иааргоит, ареспубликатә институтқәагьы аԥырхуеит. Макиавелли аханатә аусура даанрыжьуеит, аха игәаанагарақәа ахьыргәамԥхоз аҟнытә имаҵзурақәа имырхуеит, аполитикатә ԥсҭазаарагьы далахәзар ҟалаӡомызт, 1513 шықәсазы дҭаркуеит. Уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ акыр ддыргәаҟуеит, дыршьырцгьы ақәыркит, аха амнистиа иабзоураны анаҩс доурышьҭуеит. Макиавелли иҩызцәеи иуацәеи иоушьҭразы 1000 флоринк ихыршәаауаеит. Флоренциантә уи ашьҭахь дықәҵны Сант-Андреа-ин-Перкуссинҟа нхара диасуеит. Уаҟа ақыҭаҿы Макиавелли ашәҟәқәа рыҩра далагоит. Уи аамҭазы иара тература-философтә, "Ручеллаи ибаҳча" ҳәа хьӡыс измаз агәыԥ даҭаауеит. Уи анапхгара арҭон Медичи рыуацәа – Бернардо, Джованни Ручеллаи. Урҭ реиҩызара анаҩс акыр ихәоит Макиавелли. Уи аамҭазы афилософ иҩуеит қьырала еибашьуаз, акариера бзиа ҟазҵаз, агәымбылџьбара злаз аибашьҩы иҭоурых атәы зҳәо ашәҟәы "Луккатәи Каструччо Кастракани иԥсҭазааранҵа". 1520 шықәсазы Макиавелли далгоит ашәҟәы "Арратә ҟазара". Уаҟа иара арратә еиҿкаашьа далацәажәон. 1520 шықәсазы Макиавелли Флоренциаҟа дхынҳәуеит, ауниверситет аҿы аҭоурыхҭҵааҩыс аусура далагоит. Уи аамҭазы иазирхоит "Флоренциа аҭоурых", уи апропагандисттә ҟазшьа змаз ҩымҭан.<ref>http://pr.ua/news.php?new=53990{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=February 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> Медичи Макиавелли игәра ргомызт аханатә, аха хәыҷы-хәыҷла адипломатиатә напынҵақәа ирҭо иалагоит. Лаҵарамза 9, 1526 шықәсазы Флоренциа еиҿыркаауеит аусбарҭа ҿыц – Хәҩык рколлегиа. Никколо Макиавелли уи аусбарҭа амаӡаныҟәгаҩс дҟалоит. Аха 1527 шықәсазы уи аусбарҭа аԥырхуеит, ақалақь аҿы ақәгыларақәа ирылагоит, ареспубликатә режим еиҭашьақәдыргылоит. Аха аиҳабыра ҿыц Макиавелли анапхгарахь дрыдыркылаӡом. Анегативтә хьаагарақәа Макиавелли игәабзиара ианыԥшуеит. Рашәарамза 22, 1527 шықәсазы иара Флоренциа ааигәара Сан-Кашан аҳаблаҿы иԥсҭазаара далҵуеит. Иахьа уажәраанӡа еиқәхаз Макиавелли исахьа ҭихит асахьаҭыхҩы Санти ди Тито.<ref>https://works.doklad.ru/view/QUW53GAki90.html</ref> == Макиавелли иидеиақәа. == Никколо Макиавелли иусумҭақәа "Аҳәынҭқари" "Тит Ливи раԥхьатәи идекада азын ахцәажәарақәеи" рҿы аҳәынҭқарра, ауаажәларра аполитикатә ҭагылазаашьа еиԥш дахәаԥшуан, уи аилазаараҿы амчра змази, уи знапаҿы иҟази дареи реизыҟазаашьақәа зеиԥшрази, азакәанқәа изеиԥшрази ртәы далацәажәон. Макиавелли, аполитика иԥышәоу наукоуп ҳәа азгәеиҭон. Афилософ —Аиҭаҿиара апериод аан амчра знапаҿы иҟаз аиҳабы ироль иалацәажәаз дреиуан. Иара атәыла иџьбароу еиҳабык даҭахуп ҳәа иԥхьаӡон. Макиавелли афилософиаҿы аморалтә нормақәоу аполитикатә хәарҭароу, еиҳа ихадоу ҳәа раԥхьаӡа азҵаара ықәиргылоит. Иара арра ахысразы аҭакԥхықәра зегьы ишрыду аидеиа дадгылон, "Арратә ҟазара" иазкыз итрактат аҿы уи азы ааԥхьара ҟаиҵон.<ref>Макиавелли, Никколо / О. Ф. Кудрявцев // Ломоносов — Манизер [Электронный ресурс]. — 2011. — С. 541—542. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 18). — <nowiki>ISBN 978-5-85270-351-4</nowiki>.</ref> Макиавелли ареспубликатә шьақәгылашьа аформа дадгылон, аха иҩымҭа "Аҳәынҭқар" аҿы еиҳа аԥыжәара аиҭоит аҳәынҭқар имчра. Убри аан атәыла анапхгаҩы агәымшәареи агәыҭбаареи илазар акәын. Макиавелли игәаанагара ала, уи аҩыза аиҳабы иакәын еиҟәшаз Италиа аидкылара зылшоз. Макиавелли иаликаауеит аҳәынҭқарратә напхгара 6-хкык: 3-ибзиаз, 3-иҽеимыз. Раԥхьатәи агәыԥ ахь иаҵанакит - амонархиа, аамсҭашәара, адемократиа. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа арҭ аформақәа иҽеим анапхгарақәа рышҟа ииасыр рылшоит, иаҳҳәап, атираниа, аолигархиа, анархиа ашҟа. Аҳәынҭқаррақәа ҿиацыԥхьаӡа аилаҳара иалагоит. Иҿыцу аҭагылазаашьақәа аԥҵазар аҳәынҭқарра ҿыц еиҭаҿиар алшоит. Макиавелли Римтәи ареспублика иреиӷьӡоу ҳәынҭқарратә форманы иԥхьаӡон. Ауаатәыҩса рҭоурых анҭиҵаауаз, иара амчра аанкыларазы, аҳәынҭқарратә напхгара апринципқәа шьақәирӷәӷәоит. Убри аан урҭ апринципқәа ицәаҩашәоу апринципқәа ирҿагылон. Никколо Макиавелли иаартны иааирԥшуеит аполитикатә режимқәа русушьа. Адинхаҵара аганахь ала Макиавелли ихәымгеишьон Ватикантәи ауахәаматә клир, игәаԥхон амал змаз, активла зхы аазырԥшуаз ақалақьуаа.<ref>Никколо Макиавелли. Сочинения.</ref> Аполитикатә хымҩаԥгашьа акононқәа анҭиҵаауаз, Рим ақьырсианра рыдыркылаанӡа иҟаз аетикеи азакәанқәеи идеалтәуп ҳәа иԥхьаӡон. Макиавелли антикатәи адинхаҵарақәа рҿы иҟаз анапхгацәа еиҳа аҳаҭыр рықәиҵон, атәыла уи еиҳа иазеиӷьын ҳәа азгәеиҭон. Иаамҭазтәи анцәахаҵарақәа аҽрыцҳатәрахь ауаа аднаԥхьалоит, убри аҟнытә амчрахь ахәымгақәа роуп инеиуа ҳәа иҳәон иара.<ref>''Илья Бузукашвили.'' Флоренция превыше всего // Гении эпохи Возрождения. — Новый Акрополь, 2012.</ref> Макиавелли анцәа дхаиҵон, аха ақьырсианра агәымшәаразы ааԥхьара ҟанаҵозар иҭахын. Афилософ аиҳабрахь ажәлар ҳаҭыр зқәырҵо адинхаҵара пату ақәырҵаларц азы ааԥхьара ҟаиҵон. Убри аҟнытә акәхап, ауахәамагьы Макиавелли цәымӷырҭас дзыҟарҵаз. Макиавелли иидеалтә принципқәа иреиуан аразра. "...Дызусҭазаалак иуалуп егьырҭ ауаа аразра закәу дырҵара" ҳәа иҩуан иара. Макиавелли агәра игон, ахақәиҭра змаз ауааԥсыра ахьыҟаз ареспубликақәа еиҳа аԥеиԥш рымоуп ҳәа. Ахақәиҭреи, аҳәынҭқарра амчи - зегь реиҳа ихадаз акәын иара изы. Макиавелли авторс дамоуп "аҳәынҭқарратә интерес" атермин. Убри аан аморали абзиеи наскьагазар ауан. "Аҳәынҭқар" аҿы Макиавелли иааирԥшуеит амчра анапаҿы аагаразы, амчра аиқәырхаразы, уи ахархәаразы иахәҭоу аполитикатә схемақәа. Анапхгара, иара ишиҩуаз ала, иаанагоз иӷәӷәоу аҳәынҭқарра аргылара акәын, убри аан уаҟа инхо ауааԥсырагьы рыԥсҭаазааразы акгьы иацәымшәо иҟазар акәын. Ус еиԥш иҟоу атәылаҿы ахада иажәа ажәазар акәын, ижәларгьы пату рықәиҵозар ахәҭан. 1559 шықәсазы Макиавелли ишәҟәқәа, папа Павел IV дақәыӡбаны, раларҵәаразы азин амихуеит.<ref>https://www.svoboda.org/a/25197607.html</ref> == Макиавелли иидеиақәа рнырра. == Флоренциатәи ареспублика Макиавелли идыррақәа хышықәса рҟынӡа ауп мап ахьынӡарцәыркуаз. 1529 шықәсазы Флоренциа иакәшаны иркуеит еиду аимператори папеи рыр. Жәамз Макиавелли идыррақәа рыла еиқәыршәаз ахырӷәӷәарҭақәа рыбзоурала уаҟа ахыхьчара рылшоит. 1532 шықәсазы афилософ данԥсы ашьҭахь, иуацәеи иҭынхацәеи уи иаҳаҭыр азы аԥара еизганы иҭрыжьуеит иҩымҭа "Аҳәынҭқар"<ref>«Государь» / Пер. Г. Муравьевой. — М.: «Художественная литература», 1982.</ref>. Ашәҟәы алаҵәара бзиа аман азын, ашықәс аҩныҵҟа даҽа зныкгьы еиҭаҭрыжьуеит. Убри аан уи ашәҟәы акритика азызуаз маҷӡамызт. Акритикцәа иреиуоуп Иннокенти Жентилле, Антонио Поссевино, Пруссиа аҳ, аха иҟан уи иусумҭа аҳаҭырқәҵаҩцәагьы, иаҳҳәап, Роберто Ридольфи, Жан-Жак Руссо, папа Пии VI, Тосканы агерцог Дууӡа Леопольд II. Ус шакәугьы, ашәҟәы наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхоит. Макиавелли ипроект хада иара иԥсы ахьынӡаҭаз аидеиа анагӡара рылымшеит. Аха 1530 шықәсазы Медичи амчра рнапаҿы ианаарга ашьҭахь, Никколо Макиавелли иидеиақәа раларҵәара рылшоит, еиҿыркаауеит изықәгәыӷша ар, аруаа ргәы азҭаҵаразы иаԥҵан ашәахтәқәеи азин ҷыдақәеи. Анаҩс, уи ар Флоренциа ахьчон 200 шықәса инарзынаԥшуа. Макиавелли иҩымҭақәа "Аҳәынҭқари" "Ахәыцрақәеи" рҿы, еиуеиԥшым аԥхьаҩцәа рзын иаԥиҵеит, убри иахҟьазар ҟалоит уи игәаанагарақәа реиҿагылара. Макиавелли аполитикахь ихынҳәра иҟазара пату ақәызҵоз иҩызцәа рыцхыраара иабзоурахеит. Никколо Макиавелли Европатәи Ренессанс усзуҩ дуӡӡаны дыҟан, аҭоурых аҿгьы ус даанхоит. == Макиавелли иусумҭа "Аҳәынҭқар". == "Аҳәынҭқар" – зегь реиҳа еицырдыруа Макиавелли иҩымҭоуп. Уи аусумҭа иахҟьаны ацәгьаныҟәгаҩ ҳәа ахьӡ ихылоит. Уи аамҭаз еиҩшаны иҟаз Италиа азы авторцәа зегьы аҭагылазаашьа аиӷьтәра иазхәыцуан, аха Никколо Макиавелли заҵәык иакәын изылшаз апринципқәа рышьақәырӷәӷәара. Автор "Аҳәынҭқар" аҿы иҟәыӷаз ахада ихаҿсахьа аԥиҵеит. Атәыла иахагылоу аҳәынҭқар иуааԥсыра рзы игәы разызароуп, аха ианахәҭоу амчгьы ихы иаирхәозар ауп ҳәа иҩуан автор. Макиавелли ишәҟәы лассы-лассы агәымбылџьбарара ацуп ҳәа азырҳәоит. Аха аҭоурыхҭҵааҩцәа ишырҳәо ала, иазгәаҭалатәуп уи аниҩуаз аполитикатә ҭагылазаашьагьы<ref>Баткин Л. М. Итальянское Возрождение: проблемы и люди. — М.: Наука, 1989. — С. 345—363. — 272 с. — Серия «Из истории мировой культуры»</ref>. Италиа еиҩшан, атәыла аҟазаара ашәарҭара иҭагылан. Уи аназгәауҭалак иубоит Макиавелли хықәкыс ишимаз Италиа аиқәырхара. Ашәҟәаҿы иҟоуп ҭыԥқәак, Макиавелли иаартны агьангьашра аполитикаҿы зны-зынла ишаҭаху атәы ахьиҳәоз. Ж. Ж. Руссо Макиавелли иганахь ала ус иҩуан: "...Макиавелли ахадацәа ак аныдирҵоз ирызгәамҭаӡакәа адыррақәа риҭеит ажәларқәа зегьы. "Аҳәынҭқар" ареспублика иадгыло ирышәҟәуп". "Аҳәынҭқар" абзоурала Макиавелли политологиа анаука ашьаҭакҩыс дыԥхьаӡоуп.<ref>Баткин Л. М. Итальянское Возрождение: проблемы и люди. — М.: Наука, 1989. — С. 345—363. — 272 с. — Серия «Из истории мировой культуры»</ref>. == Макиавелли ицитатақәа. == "Ахықәкы ауп еиҳа ихадоу, ахархәагақәа раасҭа"; "Аӡә ипҟара уаналага, зынӡа ашьаура иҭахымхо дҟауҵароуп"; "Уҩыза бзиазар, аҩызцәагьы умазаауеит"; "Алахьынҵа сашьыр иара ахаҭа ԥхамшьаӡои"; "Акы уацәымшәо уҟазар еиҳа еиӷьуп"; "Аиааира зго аҩызцәа рацәаны имоуп, иаҵахаз – аҩызцәа гәакьақәа"; "Угәы иҭоу умҳәакәа, уазыӡырҩы егьырҭ ирҳәо, уи аҳрахь унанагар алшоит"; "Узеиԥшраҵәҟьоу здыруа маҷҩуп"; "Ианаамҭаз инагӡаз аплан аманшәалара узаанагоит"; "Ужәлар урҭахымхар, акгьы уахьчаӡом".<ref>Баткин Л. М. Итальянское Возрождение: проблемы и люди. — М.: Наука, 1989. — С. 345—363. — 272 с. — Серия «Из истории мировой культуры»</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Лаҵарамза 3 рзы ииз]] [[Акатегориа:1469 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Рашәарамза 22 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1527 шықәсазы иԥсыз]]
Никко́ло Макиаве́лли (; , Флоренциа — ) — италиатәи афилософ, аполитикатә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, арра-теоретикатә усумҭақәа равтор. Никколо Макиавелли иԥсҭазаара. Никколо Макиавелли диит лаҵарамза 3, 1469 шықәсазы Флоренциа, адукат Бернардо Макиавелли иҭаацәараҿы. Уи аҭаацәа абжьаратә класс ишаҵанакуазгьы, рсоциалтә ҭагылазаашьа бааԥсын. Макиавеллиаа рышьҭра аҭоурых ду аман, урҭ флоренциатәи аполитика еснагь иалахәын. Никколо даниз аамҭазы рыжәлантәқәа рхыԥхьаӡара маҷхоит, ирымаз ахыԥша рцәыӡуеит. Макиавелли иаб рыжәлаҿы зегь реиҳа дӷарын, ахаангьы амаҵзура бзиақәа имамызт. Иара дзиндырҩын, имаз дгьылқәак рҟынтәигьы аԥара иоуан, аха уи ахашәала аҭаацәара ирызхомызт, Никколо ашәҟәқәаҵәҟьа раахәаразы аԥара имамызт.Макиавелли / О. Ф. Кудрявцев // Новая философская энциклопедия : в 4 т. / пред. науч.-ред. совета В. С. Стёпин. — 2-е изд., испр. и доп. — М. : Мысль, 2010. — 2816 с. Быжьшықәса анихыҵ алатин бызшәа аҵара далагоит, имч злақәхоз ала аҵара бзиа иоуеит. Алатинтәи, италиатәи аклассика ибзианы идыруан, иҭиҵаауан Тит Ливи иҩымҭа "Рим аҭоурых". Анаҩс уи шьаҭас иаиуит Макиавелли иусумҭа "Тит Ливи раԥхьатәи идекада азы ахцәажәарақәа рҿы". Дрыԥхьон Цицерони Иосиф Флавии рҩымҭақәа. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, иусумҭақәа уанрыԥхьо идыррақәа шҵаулоу убоит, ауниверситет далгазшәагьы агәаанагара цәырҵуеит, аха усеиԥш уи азы џьаргьы адыррақәа ыҟам. Иҟоуп агәаанагара, Макиавелли азиндырра иҵон Флоренциатәи ауниверситет аҿы, уи Марчелло Адриани ирҵаҩцәа дыруаӡәкын ҳәа. Абиограф-аҭоурыхҭҵааҩ Роберто Ридольфи Макиавелли игны, иоура маҷны, ицәа шкәакәаны, ихы хәыҷны даирбон.https://smekni.com/a/25246/pravlenie-doma-medichi-vo-florentsii-v-xv-veke-po-istoriyam-florentsii-franchesko-gvichchardini-i-nikkolo-makiavelli/ Никколо Макиавелли иԥсҭазаара мҩаԥысуан ишәарҭаз, аха аинтерес зцыз апериод аан, Италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәа атәымтәылақәа рнапаҵаҟа ианыҟаз. Уи аепоха узқәымгәыӷуаз аидгыларақәеи арҳәрақәеи ираамҭан. Макиавелли иқәыԥшымҭаз Флоренциа республиканы Медичи рыклан анапаҵаҟа иҟан. Абҵарамза 1494 шықәсазы аҳ Карл VIII франциатәи ир Италиа иалаигалоит, Флоренцианӡагьы инеиуеит, Медичи рымчра каҳауеит. 1498 шықәсазы аполитикаҿы дцәырҵуеит Макиавелли. Зегь реиҳа изаатәу аполитикаҿы иус шалаз атәы зҳәоз асаламшәыҟәқәа ҩба ршаҳаҭганы иаанхеит.И. Берлин. ОРИГИНАЛЬНОСТЬ МАКИАВЕЛЛИ. Человек №2-4, 2001 г. 1494 шықәсазы Макиавелли Флоренциатәи ареспублика ашҟа амаҵзурахьы днеиуеит. Уаҟа 14 шықәса рыҩныҵҟа аус иуан, инаигӡон еиуеиԥшым адипломатиатә напынҵақәа. Италиа усҟан еихшаны иҟан. Иара иаб данԥсы, 1500 шықәсазы, аҭаацәара дреиҳабхоит, анаҩс ԥҳәысс дигоит ижәытәӡоу ажәла Корсини аҟнытә аҭыԥҳа – Мариетта ди Луиџьи. Макиавелли еиқәиршәеит уи аамҭазы зқьыла асаламшәыҟәқәа, ажәахәқәа, ажәабжькьаҿқәа. Никколо Макиавелли илшеит Флоренциа раԥхьаӡа акәны ақалақь ар аиҿкаара. Ԥхынҷкәынмза 6, 1506 шықәсазы Никколо Макиавелли иусумҭақәа шьаҭас иганы, "Асовет дуи" "8-ҩык Рсовети" еиҿыркаауеит "9-ҩык ркомиссиа", уи Флоренциа арратә мчқәа рнапхгара акәхоит. Макиавелли ишьақәиргылоит арратә ԥҟаԥҵәа, акомиссиа ҿыц маӡаныҟәгаҩсгьы дҟалоит. Анаҩсгьы уи иабзоураны Флоренциа Пиза архынҳәуеит. Алексеев А. С. Макиавелли, как политический мыслитель. — М.: А. Л. Васильев, 1880.Алексеев А. С. Макиавелли, как политический мыслитель. — М.: А. Л. Васильев, 1880. 1512 шықәсазы Медичи Флоренциаҟа ихынҳәуеит, мчыла аиҳабыра рнапаҿы иааргоит, ареспубликатә институтқәагьы аԥырхуеит. Макиавелли аханатә аусура даанрыжьуеит, аха игәаанагарақәа ахьыргәамԥхоз аҟнытә имаҵзурақәа имырхуеит, аполитикатә ԥсҭазаарагьы далахәзар ҟалаӡомызт, 1513 шықәсазы дҭаркуеит. Уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ акыр ддыргәаҟуеит, дыршьырцгьы ақәыркит, аха амнистиа иабзоураны анаҩс доурышьҭуеит. Макиавелли иҩызцәеи иуацәеи иоушьҭразы 1000 флоринк ихыршәаауаеит. Флоренциантә уи ашьҭахь дықәҵны Сант-Андреа-ин-Перкуссинҟа нхара диасуеит. Уаҟа ақыҭаҿы Макиавелли ашәҟәқәа рыҩра далагоит. Уи аамҭазы иара тература-философтә, "Ручеллаи ибаҳча" ҳәа хьӡыс измаз агәыԥ даҭаауеит. Уи анапхгара арҭон Медичи рыуацәа – Бернардо, Джованни Ручеллаи. Урҭ реиҩызара анаҩс акыр ихәоит Макиавелли. Уи аамҭазы афилософ иҩуеит қьырала еибашьуаз, акариера бзиа ҟазҵаз, агәымбылџьбара злаз аибашьҩы иҭоурых атәы зҳәо ашәҟәы "Луккатәи Каструччо Кастракани иԥсҭазааранҵа". 1520 шықәсазы Макиавелли далгоит ашәҟәы "Арратә ҟазара". Уаҟа иара арратә еиҿкаашьа далацәажәон. 1520 шықәсазы Макиавелли Флоренциаҟа дхынҳәуеит, ауниверситет аҿы аҭоурыхҭҵааҩыс аусура далагоит. Уи аамҭазы иазирхоит "Флоренциа аҭоурых", уи апропагандисттә ҟазшьа змаз ҩымҭан.http://pr.ua/news.php?new=53990 Медичи Макиавелли игәра ргомызт аханатә, аха хәыҷы-хәыҷла адипломатиатә напынҵақәа ирҭо иалагоит. Лаҵарамза 9, 1526 шықәсазы Флоренциа еиҿыркаауеит аусбарҭа ҿыц – Хәҩык рколлегиа. Никколо Макиавелли уи аусбарҭа амаӡаныҟәгаҩс дҟалоит. Аха 1527 шықәсазы уи аусбарҭа аԥырхуеит, ақалақь аҿы ақәгыларақәа ирылагоит, ареспубликатә режим еиҭашьақәдыргылоит. Аха аиҳабыра ҿыц Макиавелли анапхгарахь дрыдыркылаӡом. Анегативтә хьаагарақәа Макиавелли игәабзиара ианыԥшуеит. Рашәарамза 22, 1527 шықәсазы иара Флоренциа ааигәара Сан-Кашан аҳаблаҿы иԥсҭазаара далҵуеит. Иахьа уажәраанӡа еиқәхаз Макиавелли исахьа ҭихит асахьаҭыхҩы Санти ди Тито.https://works.doklad.ru/view/QUW53GAki90.html Макиавелли иидеиақәа. Никколо Макиавелли иусумҭақәа "Аҳәынҭқари" "Тит Ливи раԥхьатәи идекада азын ахцәажәарақәеи" рҿы аҳәынҭқарра, ауаажәларра аполитикатә ҭагылазаашьа еиԥш дахәаԥшуан, уи аилазаараҿы амчра змази, уи знапаҿы иҟази дареи реизыҟазаашьақәа зеиԥшрази, азакәанқәа изеиԥшрази ртәы далацәажәон. Макиавелли, аполитика иԥышәоу наукоуп ҳәа азгәеиҭон. Афилософ —Аиҭаҿиара апериод аан амчра знапаҿы иҟаз аиҳабы ироль иалацәажәаз дреиуан. Иара атәыла иџьбароу еиҳабык даҭахуп ҳәа иԥхьаӡон. Макиавелли афилософиаҿы аморалтә нормақәоу аполитикатә хәарҭароу, еиҳа ихадоу ҳәа раԥхьаӡа азҵаара ықәиргылоит. Иара арра ахысразы аҭакԥхықәра зегьы ишрыду аидеиа дадгылон, "Арратә ҟазара" иазкыз итрактат аҿы уи азы ааԥхьара ҟаиҵон.Макиавелли, Никколо / О. Ф. Кудрявцев // Ломоносов — Манизер [Электронный ресурс]. — 2011. — С. 541—542. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 18). — ISBN 978-5-85270-351-4. Макиавелли ареспубликатә шьақәгылашьа аформа дадгылон, аха иҩымҭа "Аҳәынҭқар" аҿы еиҳа аԥыжәара аиҭоит аҳәынҭқар имчра. Убри аан атәыла анапхгаҩы агәымшәареи агәыҭбаареи илазар акәын. Макиавелли игәаанагара ала, уи аҩыза аиҳабы иакәын еиҟәшаз Италиа аидкылара зылшоз. Макиавелли иаликаауеит аҳәынҭқарратә напхгара 6-хкык: 3-ибзиаз, 3-иҽеимыз. Раԥхьатәи агәыԥ ахь иаҵанакит - амонархиа, аамсҭашәара, адемократиа. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа арҭ аформақәа иҽеим анапхгарақәа рышҟа ииасыр рылшоит, иаҳҳәап, атираниа, аолигархиа, анархиа ашҟа. Аҳәынҭқаррақәа ҿиацыԥхьаӡа аилаҳара иалагоит. Иҿыцу аҭагылазаашьақәа аԥҵазар аҳәынҭқарра ҿыц еиҭаҿиар алшоит. Макиавелли Римтәи ареспублика иреиӷьӡоу ҳәынҭқарратә форманы иԥхьаӡон. Ауаатәыҩса рҭоурых анҭиҵаауаз, иара амчра аанкыларазы, аҳәынҭқарратә напхгара апринципқәа шьақәирӷәӷәоит. Убри аан урҭ апринципқәа ицәаҩашәоу апринципқәа ирҿагылон. Никколо Макиавелли иаартны иааирԥшуеит аполитикатә режимқәа русушьа. Адинхаҵара аганахь ала Макиавелли ихәымгеишьон Ватикантәи ауахәаматә клир, игәаԥхон амал змаз, активла зхы аазырԥшуаз ақалақьуаа.Никколо Макиавелли. Сочинения. Аполитикатә хымҩаԥгашьа акононқәа анҭиҵаауаз, Рим ақьырсианра рыдыркылаанӡа иҟаз аетикеи азакәанқәеи идеалтәуп ҳәа иԥхьаӡон. Макиавелли антикатәи адинхаҵарақәа рҿы иҟаз анапхгацәа еиҳа аҳаҭыр рықәиҵон, атәыла уи еиҳа иазеиӷьын ҳәа азгәеиҭон. Иаамҭазтәи анцәахаҵарақәа аҽрыцҳатәрахь ауаа аднаԥхьалоит, убри аҟнытә амчрахь ахәымгақәа роуп инеиуа ҳәа иҳәон иара.Илья Бузукашвили. Флоренция превыше всего // Гении эпохи Возрождения. — Новый Акрополь, 2012. Макиавелли анцәа дхаиҵон, аха ақьырсианра агәымшәаразы ааԥхьара ҟанаҵозар иҭахын. Афилософ аиҳабрахь ажәлар ҳаҭыр зқәырҵо адинхаҵара пату ақәырҵаларц азы ааԥхьара ҟаиҵон. Убри аҟнытә акәхап, ауахәамагьы Макиавелли цәымӷырҭас дзыҟарҵаз. Макиавелли иидеалтә принципқәа иреиуан аразра. "...Дызусҭазаалак иуалуп егьырҭ ауаа аразра закәу дырҵара" ҳәа иҩуан иара. Макиавелли агәра игон, ахақәиҭра змаз ауааԥсыра ахьыҟаз ареспубликақәа еиҳа аԥеиԥш рымоуп ҳәа. Ахақәиҭреи, аҳәынҭқарра амчи - зегь реиҳа ихадаз акәын иара изы. Макиавелли авторс дамоуп "аҳәынҭқарратә интерес" атермин. Убри аан аморали абзиеи наскьагазар ауан. "Аҳәынҭқар" аҿы Макиавелли иааирԥшуеит амчра анапаҿы аагаразы, амчра аиқәырхаразы, уи ахархәаразы иахәҭоу аполитикатә схемақәа. Анапхгара, иара ишиҩуаз ала, иаанагоз иӷәӷәоу аҳәынҭқарра аргылара акәын, убри аан уаҟа инхо ауааԥсырагьы рыԥсҭаазааразы акгьы иацәымшәо иҟазар акәын. Ус еиԥш иҟоу атәылаҿы ахада иажәа ажәазар акәын, ижәларгьы пату рықәиҵозар ахәҭан. 1559 шықәсазы Макиавелли ишәҟәқәа, папа Павел IV дақәыӡбаны, раларҵәаразы азин амихуеит.https://www.svoboda.org/a/25197607.html Макиавелли иидеиақәа рнырра. Флоренциатәи ареспублика Макиавелли идыррақәа хышықәса рҟынӡа ауп мап ахьынӡарцәыркуаз. 1529 шықәсазы Флоренциа иакәшаны иркуеит еиду аимператори папеи рыр. Жәамз Макиавелли идыррақәа рыла еиқәыршәаз ахырӷәӷәарҭақәа рыбзоурала уаҟа ахыхьчара рылшоит. 1532 шықәсазы афилософ данԥсы ашьҭахь, иуацәеи иҭынхацәеи уи иаҳаҭыр азы аԥара еизганы иҭрыжьуеит иҩымҭа "Аҳәынҭқар"«Государь» / Пер. Г. Муравьевой. — М.: «Художественная литература», 1982.. Ашәҟәы алаҵәара бзиа аман азын, ашықәс аҩныҵҟа даҽа зныкгьы еиҭаҭрыжьуеит. Убри аан уи ашәҟәы акритика азызуаз маҷӡамызт. Акритикцәа иреиуоуп Иннокенти Жентилле, Антонио Поссевино, Пруссиа аҳ, аха иҟан уи иусумҭа аҳаҭырқәҵаҩцәагьы, иаҳҳәап, Роберто Ридольфи, Жан-Жак Руссо, папа Пии VI, Тосканы агерцог Дууӡа Леопольд II. Ус шакәугьы, ашәҟәы наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхоит. Макиавелли ипроект хада иара иԥсы ахьынӡаҭаз аидеиа анагӡара рылымшеит. Аха 1530 шықәсазы Медичи амчра рнапаҿы ианаарга ашьҭахь, Никколо Макиавелли иидеиақәа раларҵәара рылшоит, еиҿыркаауеит изықәгәыӷша ар, аруаа ргәы азҭаҵаразы иаԥҵан ашәахтәқәеи азин ҷыдақәеи. Анаҩс, уи ар Флоренциа ахьчон 200 шықәса инарзынаԥшуа. Макиавелли иҩымҭақәа "Аҳәынҭқари" "Ахәыцрақәеи" рҿы, еиуеиԥшым аԥхьаҩцәа рзын иаԥиҵеит, убри иахҟьазар ҟалоит уи игәаанагарақәа реиҿагылара. Макиавелли аполитикахь ихынҳәра иҟазара пату ақәызҵоз иҩызцәа рыцхыраара иабзоурахеит. Никколо Макиавелли Европатәи Ренессанс усзуҩ дуӡӡаны дыҟан, аҭоурых аҿгьы ус даанхоит. Макиавелли иусумҭа "Аҳәынҭқар". "Аҳәынҭқар" – зегь реиҳа еицырдыруа Макиавелли иҩымҭоуп. Уи аусумҭа иахҟьаны ацәгьаныҟәгаҩ ҳәа ахьӡ ихылоит. Уи аамҭаз еиҩшаны иҟаз Италиа азы авторцәа зегьы аҭагылазаашьа аиӷьтәра иазхәыцуан, аха Никколо Макиавелли заҵәык иакәын изылшаз апринципқәа рышьақәырӷәӷәара. Автор "Аҳәынҭқар" аҿы иҟәыӷаз ахада ихаҿсахьа аԥиҵеит. Атәыла иахагылоу аҳәынҭқар иуааԥсыра рзы игәы разызароуп, аха ианахәҭоу амчгьы ихы иаирхәозар ауп ҳәа иҩуан автор. Макиавелли ишәҟәы лассы-лассы агәымбылџьбарара ацуп ҳәа азырҳәоит. Аха аҭоурыхҭҵааҩцәа ишырҳәо ала, иазгәаҭалатәуп уи аниҩуаз аполитикатә ҭагылазаашьагьыБаткин Л. М. Итальянское Возрождение: проблемы и люди. — М.: Наука, 1989. — С. 345—363. — 272 с. — Серия «Из истории мировой культуры». Италиа еиҩшан, атәыла аҟазаара ашәарҭара иҭагылан. Уи аназгәауҭалак иубоит Макиавелли хықәкыс ишимаз Италиа аиқәырхара. Ашәҟәаҿы иҟоуп ҭыԥқәак, Макиавелли иаартны агьангьашра аполитикаҿы зны-зынла ишаҭаху атәы ахьиҳәоз. Ж. Ж. Руссо Макиавелли иганахь ала ус иҩуан: "...Макиавелли ахадацәа ак аныдирҵоз ирызгәамҭаӡакәа адыррақәа риҭеит ажәларқәа зегьы. "Аҳәынҭқар" ареспублика иадгыло ирышәҟәуп". "Аҳәынҭқар" абзоурала Макиавелли политологиа анаука ашьаҭакҩыс дыԥхьаӡоуп.Баткин Л. М. Итальянское Возрождение: проблемы и люди. — М.: Наука, 1989. — С. 345—363. — 272 с. — Серия «Из истории мировой культуры». Макиавелли ицитатақәа. "Ахықәкы ауп еиҳа ихадоу, ахархәагақәа раасҭа"; "Аӡә ипҟара уаналага, зынӡа ашьаура иҭахымхо дҟауҵароуп"; "Уҩыза бзиазар, аҩызцәагьы умазаауеит"; "Алахьынҵа сашьыр иара ахаҭа ԥхамшьаӡои"; "Акы уацәымшәо уҟазар еиҳа еиӷьуп"; "Аиааира зго аҩызцәа рацәаны имоуп, иаҵахаз – аҩызцәа гәакьақәа"; "Угәы иҭоу умҳәакәа, уазыӡырҩы егьырҭ ирҳәо, уи аҳрахь унанагар алшоит"; "Узеиԥшраҵәҟьоу здыруа маҷҩуп"; "Ианаамҭаз инагӡаз аплан аманшәалара узаанагоит"; "Ужәлар урҭахымхар, акгьы уахьчаӡом".Баткин Л. М. Итальянское Возрождение: проблемы и люди. — М.: Наука, 1989. — С. 345—363. — 272 с. — Серия «Из истории мировой культуры» Азгәаҭақәа Акатегориа:Лаҵарамза 3 рзы ииз Акатегориа:1469 шықәсазы ииз Акатегориа:Рашәарамза 22 рзы иԥсыз Акатегориа:1527 шықәсазы иԥсыз
37719
https://ab.wikipedia.org/wiki/Мандела,_Нельсон
Мандела, Нельсон
{{Акарточка аполитик}} '''Нельсон Мандела''' ({{date|18|7|1918}} — {{date|5|12|2013}}) — еицырдыруа аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. 1994 шықәсазы, зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә ИуАР раԥхьатәи ахадас дҟалоит, апартеид даҿагыланы дықәԥон. 1993 шықәсазын Нельсон Мандела адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/5210902 |title=Archive copy |access-date=2024-01-25 |archive-date=2023-01-03 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230103211407/https://bigenc.ru/world_history/text/5210902 |url-status=dead }}</ref> == Нельсон Мандела ихәыҷра == Аполитик ихьыӡҵәҟьа – Холилала Мандела. Диит рашәарамза 18, 1918 шықәсазы имаҷыз Мфезо захьӡыз қыҭак аҟны, ИуАР аӡиас Мбаше ахықәан ишьҭаз. Аҷкәын иаб Гадла Генри Мандела ихьӡын, уи ақыҭа напхгара аиҭон, насгьы аимшьҭра тембу Маӡалатәи ахеилак далан. Дара рмилаҭ ақьабзқәа рыла, Мандела иаб ԥшьҩык аҳәса иман. Урҭ жәахаҩык ахшара драбны дҟарҵеит – жәҩык аԥҳацәеи, ԥшьҩык аԥацәеи. Нельсон иан Нонгапи – Мандела иаб ахԥатәи иԥҳәыс лакәын. Ахьӡ Холилала ишиашоу еиҭагазар иаанаго, аҵла амахәқәа зҵәахуа ауп, аха иаармарианы иҳәазар «проказник» иаанагоит. Мандела иоуп аҭаацәара ахәыҷқәа зегьы рахьтә ашкол ахь аныҟәара иалагаз. Актәи аурок аҟны арҵаҩы ахәыҷқәа зегьы англыз хьыӡқәа рылҭеит, ус еиԥш атрадициа ыҟеижьҭеи акрааҵуеит. Лара лоуп Манделагьы Нельсон ихьӡызҵаз, абри ахьӡ ала ауп адунеизегьы аҟны деицырдыруагьы дшыҟалаз.<ref>https://24smi.org/celebrity/1304-nelson-mandela.html</ref> Шықәсқәак ааҵхьаны еиԥш, иаби амчра ҿыц иахагылази реизҟазаашьақәа бжьысит аҟнытә, имаҵзура дамырхит. Уи азмырхакәан, иҳәсеи ихәыҷқәеи зегьы нхара ҳәа аҭыԥ ҿыц ахь ирышьҭит, ақыҭа Цгунуҟа. Иҭыԥ иамхра акәу, мамзаргьы даҽаку изыхҟьаз, Гадла Мандела ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Иара арыԥҳа чымазара адиагноз изықәыргылан, уи дагьахыԥсааит. Нельсон усҟан жәшықәса ракәын ихыҵуаз, аиҵбыратә классқәа рҟны иҵара хиркәшон. Анаҩс, иҟан аиҳабыратә школ – интернат Кларкбери, уи екстерно далгоит, анаҩс дҭалоит ақалақь Форт-Бофорттәи аметодисттә колледж. Аброуп иара аспорт дахьазҿлымҳахазгьы, еиҳаракгьы иара игәаԥхеит абокси аҩреи, иԥсҭазаара зегьы арҭ аспорт хкқәа ирызкын.<ref>https://biographe.ru/politiki/nelson-mandela/</ref> 1939 шықәсазы Мандела дҭалоит Форт-Хертәи ауниверситет, иара раԥхьатәиин ИуАР инхоз рахьтә зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә иреиҳаӡоу аҵарадырра заурц зҽазызшәаз. Аха иҵарадырра аизырҳара хыркәшан актәи акурс аҟны. Иҟалаз уи ауп, Нельсони егьырҭ астудентцәеи абаикот иалахәын, астуденттә хеилак ахаҭарнакцәа ралхрақәа алҵшәақәа шыргәамԥхаз аарԥшуа. Нельсон уаҳагьы ауниверситет дзалымгеит, 1941 шықәса рзы иара нхара ҳәа дцоит ладатәи африкатәи Ареспублика ахь зегьы иреиҳаз ақалақь – Иоханнесбург ашҟа, уа ашахта аҟны хьчаҩык иаҳасаб ала аусура далагеит. Абас иалагеит иара иџьатә биографиа. Аамҭак анаҩс азиндырратә усҳәарҭахь диасуеит, аклерк еиҵбы имаҵзурахьы.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-nelson-mandela.html</ref> Иусура инаваргыланы – азаанаҭдырҩы имаҵзура аҟны Нельсон Мандела Лада-Африкатәи ауниверситет латәарадатәи аҟәша астудентс дҟалоит. Уи даналга ашьҭахь агуманитартә дыррақәа абакалавр ҳәа адиплом ирҭоит. Нельсон иҵара иациҵоит, дагьҭалоит Витватерсрандатәи ауниверситет азиндырратә факультет. Ара раԥхьаӡа акәны драбадыруеит Гарри Шварци Джо Словеи, дара аԥхьаҟа аиҳабыра рҟны аминистрцәа рмаҵзурақәа ааныркылоит.<ref>https://theperson.pro/nelson-mandela/</ref> == Аполитикатә қәԥара алагара == Ауниверситет аҿы аҵара аниҵоз Мандела даара аполитика дагәыланахалеит. Иара атәыла аҟны амчра африкатәи арадикалтә идеиақәа анырра ӷәӷәа ирҭеит, лассы-ласс аизарақәа ихы рылаирхәуа далагеит, урҭ ирылахәын Африкатәи амилаҭтә конгресс зцәеижьи еиқәаҵәаз аинтеллектуалцәа. Иара убасгьы, Нельсон ақәгыларақәа, амитингқәа ихы рылаирхәуеит, урҭ ззырхаз аҭыԥантәи ауааԥсыра адгылара рзыҟаҵара акәын. 1948 - тәи ашықәс азы амчра африкатәи Амилаҭтә партиа ахь ииасит, убри ашьҭахь ари аҳәынҭқарра апартеид аполитика апропаганда азура иалагеит.<ref>https://www.bbc.com/russian/international/2013/12/000000_obituary_mandela</ref> Нельсон амаӡаныҟәгаҩ хада имаҵзура иоууеит, аамҭак анаҩс африкатәи амилаҭтә конгресс аҟны Мандела Аҿар рлига дахагылоит. Иара ибзоурала иаԥҵахеит амчра ахымхәыцра Акомпаниа,1955 шықәсазы иара аԥшьгара ҟаиҵоит зых иақәиҭу ажәлар Рконгресс аизгаразы. Мандела ауаа дрыцхраауан иполитикатә қәгыларақәа рнаҩсангьы. Уи иоуп зцәеижьы еиқәаҵәаз ауаа рзын раԥхьатәи азиндырратә усбарҭа аԥызҵаз. Уа ауаа еиқәаҵәақәа хәыдаԥсада адемократиатә принципқәа аус рыдиулоит, урҭ рыла аԥхьаҟа напхгараҭара иалагоит Лада-Африкатәи ареспублика аҟны, «Хартиа свободы» иахьӡын. Арҭ апринципқәа рсиаҿы ихадоу документхеит, уи ашьаҭала иргылахеит апартеид аполитика иаҿагылоз қәымчрадатәи ақәԥара, аҿиара иаҿыз ИуАР. Ус иҟан 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭанӡа, усҟан Мандела еиликааит ҭынчымҩала акгьы ӡбашьа шамам. Иара иаԥиҵоит арадикалтә партиа «Умконто ве сизве», уи азхиан бџьаршьҭыхралатәи ақәԥара. Ари аиҿкаара алахәылацәа аиҳабыратәии арратәии обиектқәа рыԥжәара иалагеит. Анаҩс, дара рҽыԥхьакны апартизантә еибашьра иалагеит. Ҭагалан 1962 шықәсазы Мандела иқәыӡбоит, уи хәышықәса иқәҵаны ддырбаандаҩуеит, ақәгыларақәа ахьеиҿикаауази, изакәанымкәа аҳәаа дахьахысызи рзы. Анаҩс, Нельсон идрыԥхьаӡалоз ацәгьоурақәа рсиа иахьацлаз хәышықәса рхаҭыԥан, иԥсҭазаара зегьы ҭакрыла ахгара иқәырҵеит.<ref>https://www.forbes.ru/mneniya-column/mir/241334-nelson-mandela-simvol-stavshii-politikom</ref> == Абахҭеи апрезидентреи == Мандела иԥсҭазаара зегьы аҟнытә 27 шықәса ҭакрыла ихигеит. Егьырҭ аполитикатә баандаҩцәа инарҿырԥшны, уи иҭакышьа аҭагылазаашьақәа даара ицәгьан, зин ҷыда ҳәа акагьы имамызт. Мандела дахьҭакыз ашәҟәқәа рыҩра азин иман, аха уигьы фымз рахь знык акәын. Аҭел асрагьы азин иман шықәсыбжак ахь знык. Аха зых иақәиҭыз иҩызцәа даара адгылара изыҟарҵон Нельсон дахьҭакыз, урҭ роуп изыбзоуроугьы Нельсон Мандела ихьӡ адунеи иадыруа аҟаҵара.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-nelson-mandela.html</ref> Акыр адунеитә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа лозунгла иҭәын, урҭ ирыҩуан «Нельсон Мандела ахақәиҭра ишәҭ» ҳәа. Уи анаҩсангьы, абахҭаҿы иҟазаара аан зцәеижьи еиқәаҵәаз апартеид иаҿагыланы иқәԥоз Нельсон Лондонтәи ауниверситет дастудентхоит, азиндырра абакалавр идипломгьы иоуеит. Абахҭаҟны дшыҟаз 1981 шықәсазы Нельсон ари ауниверситет ҳаҭыр зқәу аректорс аҟаларазы икандидатура ықәиргылоит, аха аиааира изымгеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы атәыла анапхгара акыр аусқәа аднакылоит аполитики дареи реизыҟазаашьа аҟны компромисск иазнеирц. Мандела идыргалоит ихы иақәиҭтәра, аха уи азын иара апартеид даҿагыланы ақәԥара даҟәыҵыр акәын. Ас еиԥш ажәадгала ҳәарада нельсон мап ацәикит, ахақәиҭрагьы имоуит.<ref>https://news.un.org/ru/story/2019/07/1359571</ref> Зегьы аҽаԥсахит 1989 шықәсазы, усҟан ИуАР ахадас дҟалеит Фредерик Вилл Клерк, аиҳабырагьы Африкатәи амилаҭтә конгресс аусура азы азин ҟанаҵеит. Шықәсык ааҵхьаны Мандела идгылаҩцәеи иареи рхы иақәиҭыртәуеит. Нельсон де Клерк ихы дахьақәиҭитәыз азы даара дизгәдуун, аха арҭ аполитикцәа реизыҟазаашьақәа уеизгьы аибарххара рыбжьан. Дара рҩыџьагьы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа роуит, аха абригьы еизааигәанамтәит. Иҟалаз уи ауп, Мандела ихы данақәиҭыртә ашьҭахь, дырҩегьых, аиҳабыра дырҿагыланы ақәԥарақәа дырзыгьежьит, урҭ лассы-ласс аидысларақәеи атерактқәеи рахь ииасуан. Нельсон ақәгыларақәа мҩаԥигон амчрақәа ахара рыдҵо. Мандела иџьабаагьы баша имыӡит, 1994 шықәсазы имҩаԥгаз атәылаҟны раԥхьатәи адемократиатә алхрақәа рыбзоурала, Нельсон дпрезидентхоит, иара 62% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит. Ари аҭыԥ аҟны хәышықәса дыҟан. Ари аамҭа иалагӡаны илшеит ахәыҷқәеи зыбаҩзтәымыз аҳәсеи рзы хәыԥсадатәи амедицина рзеиҿкаара, жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа ашкол аҟны хәыдаԥсада аҵара рҵон, зегьы ацхыраагӡақәа роуан, ақыҭаҟны инхоз рхы аныҟәгаразы адотациақәа рзаԥҵан. Абарҭқәа рнаҩсангьы, Мандела ибзоурала азакәан ҿыцқәа алагалан, адгьыл, аусуратә еизыҟазаашьақәа, аусура алагаразы зегьы ирзеиԥшыз аҭагылазаашьақәа уҳәа реиԥш иҟаз азакәанԥҵаратә актқәа. Нельсон Мандела иаамҭазтәи иеиҳабыра, афыцамҩангара, аҭелтә цәаҳәақәа рымҩангара, анхарҭатә сектор аргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыргылара рнапы алакын. Мандела ԥхьатәара дцеит 1999 шықәса рзы, аха ауаажәларратә ус мап ацәимкит. Иара СПИД ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азҵаарақәа дырҿын, насгьы ари апроблема атәыла аҟны иаартны иалацәажәо иҟаиҵеит. ИуАР иахьа уажәраанӡагьы ари ачымазара иахҟьаны зегьы иреиҳаны ауаа ахьыԥсуа тәылоуп.<ref>https://gazeta.ua/ru/articles/history/_nelson-mandela-sidel-v-tyurme-18-let/751701</ref> == Нельсон Мандела ихатәы ԥсҭазаара == Нельсон хынтә аҳәса ааигахьан. Раԥхьа ԥҳәыс дигеит 1944 шықәсазы. ԥҳәысс иигаз Евелин Маказива илыхшеит ҩыџьа аԥҳацәеи ҩыџьа аԥацәеи. Иреиҵбыз – Маказива Мандела жәшықәса анылхыҵуаз лыԥсҭазаара далҵит. Аҭаацәа еилыҵит 1958 шықәсазы. Ианеилыҵ анаҩс, иаарласны, Нельсон иԥсҭазаараҿы дцәырҵуеит Винни Дламини. Ари аҭаацәара аҟны Мандела иоуеит ҩыџьа аԥҳацәа – Зенани Зиндзи. Документла Мандела Винни дылхаҵан 1994 шықәсанӡа, аха дара еилыҵит аполитик абахҭа данҭарк.<ref>https://interesnyefakty.org/nelson-mandela/</ref> Нельсон ахԥатәи иԥҳәыс Граса Машел, ари лакәхеит, ахҭыс ҟалеит 1998 шықәсазы. Граса Машел дполитикын, лыԥшәмеи лареи еицырзеиԥшыз акыр аинтересқәа рыман. Мандела иԥсҭазаара далҵаанӡагьы иааигәара дыҟан. Нельсон иԥсы анҭаз иихьан жәибыжьҩык имаҭацәеи, жәиԥшьҩык имаҭацәа ирыхшази. Иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны аполитик иҭижьиз иҩымҭақәа рахьтә зегь реиҳа еицырдыруа иҟалеит иқәгылара «Сара аԥсра сазыхиоуп», уи иара иҩит 1964 шықәсазы аӡбарҭа аҟны, иара убасгьы «Ахақәиҭрахь ихараз амҩа». Даара имаҷымкәа аинтерес аман ишәҟәы «Ақәԥара – ари сара сыԥсҭазаара ауп», аизга «Схала схы ацәажәара», арҭ ашәҟәқәа иҩит данҭакыз аамҭазы.<ref>https://www.un.org/ru/events/mandeladay/legacy.shtml</ref> == Нельсон иԥсра == 2013 шықәсазы, аԥхын, Нельсон ахәышәтәырҭа дҭашәоит, ирыԥҳа ачымазара даара иӷәӷәаны ахы инардыруа иахьалагаз азы. Ахәшәтәра акраамҭа имҩаԥысуан, иагьхыркәшан цәыббрамзазы. Аполитик иҭагылазаашьа, иҳақьым иажәақәа рыла, иуадаҩын, аха иҭышәынтәалан, ус шакәызгьы абҵарамзазы Нельсон деицәахеит аҟынтә ирыԥҳақәа аҵәыҵәри аппарат иаҿаркуеит. Аҳақьымцәа ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ԥхынҷкәынмза 5, 2013 шықәсазы Мандела игәы аанкылоит. Нельсон Мандела усҟан 95 шықәса ихыҵуан. Хымш ирылагӡаны ИуАР аҳҭнықалақь аҿы аныҟәарақәа зегьы аанкылан, арҭ амшқәа рзы бзиа еицырбоз аполитик зықьҩыла ауаа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон. Нельсон иԥсыжра еиҿкаан ԥхынҷкәынмза 15, 2013 шықәсазы Цгуну ақыҭан, ихәыҷрашықәсқәа зегьы ахьихигаз.<ref>https://www.vedomosti.ru/politics/articles/2013/12/06/skonchalsya-eks-prezident-yuar-nelson-mandela</ref> == Аинтерес зҵоу афактқәа == Мандела ахьыӡқәа хԥа иман, данниз Холилала ихьӡырҵеит. Англыз хьӡы Нельсон ашкол аҟны иоуеит. ИуАР Нельсон Мандела дырдыруеит иара убасгьы, Мадиба ҳәа (ари ажәлар коса рклан хьӡқәа иреиуоуп). Мандела 1964 шықәсазы иԥсҭазаара зегьы ҭакрала ахгара иқәҵан. Иҭакра аамҭа аиҳарак адгьылбжьаха Роббен ихигеит. Анаҩс, ҷыдалатәи арежим ахьыҟаз абахҭа Поллсмур ахь диаган. Ҭакрала ихигаз 27 шықәса рахьтә 17 шықәса акамера аҟны ихала дҭакын, уа шықәсыбжак ахь знык аҭел асреи, салам шәҟәык аҩреи ракәын зинс имаз. Иҭакра аамҭа иалагӡаны Мандела латәарада Лондантәи ауниверситет дҭаланы далгеит.<ref>https://www.peoples.ru/friday/25_facts_about_nelson_mandela.html</ref> 1990-тәи ашықәсазы ИуАР аиҳабыра Мандела ихы дақәиҭнатәуеит. 27 шықәса аҟынтә аҵыхәтәантәи амзақәа ахьихигаз Кеиптаунтәи абахҭа «Виктор Верстер» аҟны иахьа Мандела ибаҟа гылоуп. Нельсон иԥа еиҳабы – Тембекиле амҩатә машәыр аан дҭахеит, иара абахҭа данҭакыз аамҭазы. Иԥа иԥсыжрахь анеира ИуАР амчрақәа азин ирымҭеит. 1994 шықәсазы иара дҟалоит зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә ИуАР раԥхьатәи ахадас, уи апартеид даҿагыланы дықәԥон. 1993 шықәсазын Нельсон Мандела адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан. Хәышықәса президентс иҟазаара иалагӡаны, Мандела илшеит ахәыҷқәеи зыбаҩзтәымыз аҳәсеи рзы хәыԥсадатәи амедицина рзеиҿкаара, жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа ашкол аҿы хәыдаԥсада аҵара рҵон, зегьы ацхыраагӡақәа роуан, ақыҭа аҿы инхоз рхы аныҟәгаразы адотациақәа роуан. Абарҭқәа рнаҩсангьы, Мандела ибзоурала азакәан ҿыцқәа алагалан, адгьыл, аусуратә еизыҟазаашьақәа, аусура алагаразы зегьы ирзеиԥшыз аҭагылазаашьақәа уҳәа реиԥш иҟаз азакәанԥҵаратә актқәа. Нельсон Мандела иаамҭазтәи иеиҳабыра, афымцамҩангара, ателтә цәаҳәақәа рымҩангара, анхарҭатә сектор аргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыргылара рнапы алакын.<ref>https://vm.ru/politics/148938-7-interesnyh-faktov-o-nelsone-mandele</ref> 1999 шықәсазы иара аполитика аҟынтәи дцоит. 2009 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ԥхынгәымза 18 Нельсон Мандела Имш ҳәа рыланаҳәеит. 80 шықәса анихыҵуаз Нельсон Мандела Мозамбик ахадас иҟаз, зхаҵа дыԥсхьаз, Граса Машел ԥҳәысс дигоит. Граса Машел адунеи аҟны ҩ-тәылак рхадацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дрыԥшәмаԥҳәысын. 2011 шықәсазы Мандела 93 шықәса зхыҵуаз 12 миллионҩык инарыцны ашколхәыҷқәа аамҭак ала адныҳәаларатә ашәа изырҳәеит. 2009 шықәсазы Нельсон Мандела иԥсҭазаара шьаҭас иҟаҵаны иҭыхын анысмҩатә фильм – адрама «Непокорный».<ref>https://gazeta.ua/ru/articles/necrology/_pervyj-temnokozhij-prezident-provel-v-tyurme-27-let/807574</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Ԥхынгәымза 18 рзы ииз]] [[Акатегориа:1918 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 5 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:2013 шықәсазы иԥсыз]]
Нельсон Мандела ( — ) — еицырдыруа аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. 1994 шықәсазы, зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә ИуАР раԥхьатәи ахадас дҟалоит, апартеид даҿагыланы дықәԥон. 1993 шықәсазын Нельсон Мандела адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан. Нельсон Мандела ихәыҷра Аполитик ихьыӡҵәҟьа – Холилала Мандела. Диит рашәарамза 18, 1918 шықәсазы имаҷыз Мфезо захьӡыз қыҭак аҟны, ИуАР аӡиас Мбаше ахықәан ишьҭаз. Аҷкәын иаб Гадла Генри Мандела ихьӡын, уи ақыҭа напхгара аиҭон, насгьы аимшьҭра тембу Маӡалатәи ахеилак далан. Дара рмилаҭ ақьабзқәа рыла, Мандела иаб ԥшьҩык аҳәса иман. Урҭ жәахаҩык ахшара драбны дҟарҵеит – жәҩык аԥҳацәеи, ԥшьҩык аԥацәеи. Нельсон иан Нонгапи – Мандела иаб ахԥатәи иԥҳәыс лакәын. Ахьӡ Холилала ишиашоу еиҭагазар иаанаго, аҵла амахәқәа зҵәахуа ауп, аха иаармарианы иҳәазар «проказник» иаанагоит. Мандела иоуп аҭаацәара ахәыҷқәа зегьы рахьтә ашкол ахь аныҟәара иалагаз. Актәи аурок аҟны арҵаҩы ахәыҷқәа зегьы англыз хьыӡқәа рылҭеит, ус еиԥш атрадициа ыҟеижьҭеи акрааҵуеит. Лара лоуп Манделагьы Нельсон ихьӡызҵаз, абри ахьӡ ала ауп адунеизегьы аҟны деицырдыруагьы дшыҟалаз.https://24smi.org/celebrity/1304-nelson-mandela.html Шықәсқәак ааҵхьаны еиԥш, иаби амчра ҿыц иахагылази реизҟазаашьақәа бжьысит аҟнытә, имаҵзура дамырхит. Уи азмырхакәан, иҳәсеи ихәыҷқәеи зегьы нхара ҳәа аҭыԥ ҿыц ахь ирышьҭит, ақыҭа Цгунуҟа. Иҭыԥ иамхра акәу, мамзаргьы даҽаку изыхҟьаз, Гадла Мандела ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Иара арыԥҳа чымазара адиагноз изықәыргылан, уи дагьахыԥсааит. Нельсон усҟан жәшықәса ракәын ихыҵуаз, аиҵбыратә классқәа рҟны иҵара хиркәшон. Анаҩс, иҟан аиҳабыратә школ – интернат Кларкбери, уи екстерно далгоит, анаҩс дҭалоит ақалақь Форт-Бофорттәи аметодисттә колледж. Аброуп иара аспорт дахьазҿлымҳахазгьы, еиҳаракгьы иара игәаԥхеит абокси аҩреи, иԥсҭазаара зегьы арҭ аспорт хкқәа ирызкын.https://biographe.ru/politiki/nelson-mandela/ 1939 шықәсазы Мандела дҭалоит Форт-Хертәи ауниверситет, иара раԥхьатәиин ИуАР инхоз рахьтә зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә иреиҳаӡоу аҵарадырра заурц зҽазызшәаз. Аха иҵарадырра аизырҳара хыркәшан актәи акурс аҟны. Иҟалаз уи ауп, Нельсони егьырҭ астудентцәеи абаикот иалахәын, астуденттә хеилак ахаҭарнакцәа ралхрақәа алҵшәақәа шыргәамԥхаз аарԥшуа. Нельсон уаҳагьы ауниверситет дзалымгеит, 1941 шықәса рзы иара нхара ҳәа дцоит ладатәи африкатәи Ареспублика ахь зегьы иреиҳаз ақалақь – Иоханнесбург ашҟа, уа ашахта аҟны хьчаҩык иаҳасаб ала аусура далагеит. Абас иалагеит иара иџьатә биографиа. Аамҭак анаҩс азиндырратә усҳәарҭахь диасуеит, аклерк еиҵбы имаҵзурахьы.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-nelson-mandela.html Иусура инаваргыланы – азаанаҭдырҩы имаҵзура аҟны Нельсон Мандела Лада-Африкатәи ауниверситет латәарадатәи аҟәша астудентс дҟалоит. Уи даналга ашьҭахь агуманитартә дыррақәа абакалавр ҳәа адиплом ирҭоит. Нельсон иҵара иациҵоит, дагьҭалоит Витватерсрандатәи ауниверситет азиндырратә факультет. Ара раԥхьаӡа акәны драбадыруеит Гарри Шварци Джо Словеи, дара аԥхьаҟа аиҳабыра рҟны аминистрцәа рмаҵзурақәа ааныркылоит.https://theperson.pro/nelson-mandela/ Аполитикатә қәԥара алагара Ауниверситет аҿы аҵара аниҵоз Мандела даара аполитика дагәыланахалеит. Иара атәыла аҟны амчра африкатәи арадикалтә идеиақәа анырра ӷәӷәа ирҭеит, лассы-ласс аизарақәа ихы рылаирхәуа далагеит, урҭ ирылахәын Африкатәи амилаҭтә конгресс зцәеижьи еиқәаҵәаз аинтеллектуалцәа. Иара убасгьы, Нельсон ақәгыларақәа, амитингқәа ихы рылаирхәуеит, урҭ ззырхаз аҭыԥантәи ауааԥсыра адгылара рзыҟаҵара акәын. 1948 - тәи ашықәс азы амчра африкатәи Амилаҭтә партиа ахь ииасит, убри ашьҭахь ари аҳәынҭқарра апартеид аполитика апропаганда азура иалагеит.https://www.bbc.com/russian/international/2013/12/000000_obituary_mandela Нельсон амаӡаныҟәгаҩ хада имаҵзура иоууеит, аамҭак анаҩс африкатәи амилаҭтә конгресс аҟны Мандела Аҿар рлига дахагылоит. Иара ибзоурала иаԥҵахеит амчра ахымхәыцра Акомпаниа,1955 шықәсазы иара аԥшьгара ҟаиҵоит зых иақәиҭу ажәлар Рконгресс аизгаразы. Мандела ауаа дрыцхраауан иполитикатә қәгыларақәа рнаҩсангьы. Уи иоуп зцәеижьы еиқәаҵәаз ауаа рзын раԥхьатәи азиндырратә усбарҭа аԥызҵаз. Уа ауаа еиқәаҵәақәа хәыдаԥсада адемократиатә принципқәа аус рыдиулоит, урҭ рыла аԥхьаҟа напхгараҭара иалагоит Лада-Африкатәи ареспублика аҟны, «Хартиа свободы» иахьӡын. Арҭ апринципқәа рсиаҿы ихадоу документхеит, уи ашьаҭала иргылахеит апартеид аполитика иаҿагылоз қәымчрадатәи ақәԥара, аҿиара иаҿыз ИуАР. Ус иҟан 60-тәи ашықәсқәа рылагамҭанӡа, усҟан Мандела еиликааит ҭынчымҩала акгьы ӡбашьа шамам. Иара иаԥиҵоит арадикалтә партиа «Умконто ве сизве», уи азхиан бџьаршьҭыхралатәи ақәԥара. Ари аиҿкаара алахәылацәа аиҳабыратәии арратәии обиектқәа рыԥжәара иалагеит. Анаҩс, дара рҽыԥхьакны апартизантә еибашьра иалагеит. Ҭагалан 1962 шықәсазы Мандела иқәыӡбоит, уи хәышықәса иқәҵаны ддырбаандаҩуеит, ақәгыларақәа ахьеиҿикаауази, изакәанымкәа аҳәаа дахьахысызи рзы. Анаҩс, Нельсон идрыԥхьаӡалоз ацәгьоурақәа рсиа иахьацлаз хәышықәса рхаҭыԥан, иԥсҭазаара зегьы ҭакрыла ахгара иқәырҵеит.https://www.forbes.ru/mneniya-column/mir/241334-nelson-mandela-simvol-stavshii-politikom Абахҭеи апрезидентреи Мандела иԥсҭазаара зегьы аҟнытә 27 шықәса ҭакрыла ихигеит. Егьырҭ аполитикатә баандаҩцәа инарҿырԥшны, уи иҭакышьа аҭагылазаашьақәа даара ицәгьан, зин ҷыда ҳәа акагьы имамызт. Мандела дахьҭакыз ашәҟәқәа рыҩра азин иман, аха уигьы фымз рахь знык акәын. Аҭел асрагьы азин иман шықәсыбжак ахь знык. Аха зых иақәиҭыз иҩызцәа даара адгылара изыҟарҵон Нельсон дахьҭакыз, урҭ роуп изыбзоуроугьы Нельсон Мандела ихьӡ адунеи иадыруа аҟаҵара.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-nelson-mandela.html Акыр адунеитә кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа лозунгла иҭәын, урҭ ирыҩуан «Нельсон Мандела ахақәиҭра ишәҭ» ҳәа. Уи анаҩсангьы, абахҭаҿы иҟазаара аан зцәеижьи еиқәаҵәаз апартеид иаҿагыланы иқәԥоз Нельсон Лондонтәи ауниверситет дастудентхоит, азиндырра абакалавр идипломгьы иоуеит. Абахҭаҟны дшыҟаз 1981 шықәсазы Нельсон ари ауниверситет ҳаҭыр зқәу аректорс аҟаларазы икандидатура ықәиргылоит, аха аиааира изымгеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы атәыла анапхгара акыр аусқәа аднакылоит аполитики дареи реизыҟазаашьа аҟны компромисск иазнеирц. Мандела идыргалоит ихы иақәиҭтәра, аха уи азын иара апартеид даҿагыланы ақәԥара даҟәыҵыр акәын. Ас еиԥш ажәадгала ҳәарада нельсон мап ацәикит, ахақәиҭрагьы имоуит.https://news.un.org/ru/story/2019/07/1359571 Зегьы аҽаԥсахит 1989 шықәсазы, усҟан ИуАР ахадас дҟалеит Фредерик Вилл Клерк, аиҳабырагьы Африкатәи амилаҭтә конгресс аусура азы азин ҟанаҵеит. Шықәсык ааҵхьаны Мандела идгылаҩцәеи иареи рхы иақәиҭыртәуеит. Нельсон де Клерк ихы дахьақәиҭитәыз азы даара дизгәдуун, аха арҭ аполитикцәа реизыҟазаашьақәа уеизгьы аибарххара рыбжьан. Дара рҩыџьагьы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа роуит, аха абригьы еизааигәанамтәит. Иҟалаз уи ауп, Мандела ихы данақәиҭыртә ашьҭахь, дырҩегьых, аиҳабыра дырҿагыланы ақәԥарақәа дырзыгьежьит, урҭ лассы-ласс аидысларақәеи атерактқәеи рахь ииасуан. Нельсон ақәгыларақәа мҩаԥигон амчрақәа ахара рыдҵо. Мандела иџьабаагьы баша имыӡит, 1994 шықәсазы имҩаԥгаз атәылаҟны раԥхьатәи адемократиатә алхрақәа рыбзоурала, Нельсон дпрезидентхоит, иара 62% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит. Ари аҭыԥ аҟны хәышықәса дыҟан. Ари аамҭа иалагӡаны илшеит ахәыҷқәеи зыбаҩзтәымыз аҳәсеи рзы хәыԥсадатәи амедицина рзеиҿкаара, жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа ашкол аҟны хәыдаԥсада аҵара рҵон, зегьы ацхыраагӡақәа роуан, ақыҭаҟны инхоз рхы аныҟәгаразы адотациақәа рзаԥҵан. Абарҭқәа рнаҩсангьы, Мандела ибзоурала азакәан ҿыцқәа алагалан, адгьыл, аусуратә еизыҟазаашьақәа, аусура алагаразы зегьы ирзеиԥшыз аҭагылазаашьақәа уҳәа реиԥш иҟаз азакәанԥҵаратә актқәа. Нельсон Мандела иаамҭазтәи иеиҳабыра, афыцамҩангара, аҭелтә цәаҳәақәа рымҩангара, анхарҭатә сектор аргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыргылара рнапы алакын. Мандела ԥхьатәара дцеит 1999 шықәса рзы, аха ауаажәларратә ус мап ацәимкит. Иара СПИД ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азҵаарақәа дырҿын, насгьы ари апроблема атәыла аҟны иаартны иалацәажәо иҟаиҵеит. ИуАР иахьа уажәраанӡагьы ари ачымазара иахҟьаны зегьы иреиҳаны ауаа ахьыԥсуа тәылоуп.https://gazeta.ua/ru/articles/history/_nelson-mandela-sidel-v-tyurme-18-let/751701 Нельсон Мандела ихатәы ԥсҭазаара Нельсон хынтә аҳәса ааигахьан. Раԥхьа ԥҳәыс дигеит 1944 шықәсазы. ԥҳәысс иигаз Евелин Маказива илыхшеит ҩыџьа аԥҳацәеи ҩыџьа аԥацәеи. Иреиҵбыз – Маказива Мандела жәшықәса анылхыҵуаз лыԥсҭазаара далҵит. Аҭаацәа еилыҵит 1958 шықәсазы. Ианеилыҵ анаҩс, иаарласны, Нельсон иԥсҭазаараҿы дцәырҵуеит Винни Дламини. Ари аҭаацәара аҟны Мандела иоуеит ҩыџьа аԥҳацәа – Зенани Зиндзи. Документла Мандела Винни дылхаҵан 1994 шықәсанӡа, аха дара еилыҵит аполитик абахҭа данҭарк.https://interesnyefakty.org/nelson-mandela/ Нельсон ахԥатәи иԥҳәыс Граса Машел, ари лакәхеит, ахҭыс ҟалеит 1998 шықәсазы. Граса Машел дполитикын, лыԥшәмеи лареи еицырзеиԥшыз акыр аинтересқәа рыман. Мандела иԥсҭазаара далҵаанӡагьы иааигәара дыҟан. Нельсон иԥсы анҭаз иихьан жәибыжьҩык имаҭацәеи, жәиԥшьҩык имаҭацәа ирыхшази. Иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны аполитик иҭижьиз иҩымҭақәа рахьтә зегь реиҳа еицырдыруа иҟалеит иқәгылара «Сара аԥсра сазыхиоуп», уи иара иҩит 1964 шықәсазы аӡбарҭа аҟны, иара убасгьы «Ахақәиҭрахь ихараз амҩа». Даара имаҷымкәа аинтерес аман ишәҟәы «Ақәԥара – ари сара сыԥсҭазаара ауп», аизга «Схала схы ацәажәара», арҭ ашәҟәқәа иҩит данҭакыз аамҭазы.https://www.un.org/ru/events/mandeladay/legacy.shtml Нельсон иԥсра 2013 шықәсазы, аԥхын, Нельсон ахәышәтәырҭа дҭашәоит, ирыԥҳа ачымазара даара иӷәӷәаны ахы инардыруа иахьалагаз азы. Ахәшәтәра акраамҭа имҩаԥысуан, иагьхыркәшан цәыббрамзазы. Аполитик иҭагылазаашьа, иҳақьым иажәақәа рыла, иуадаҩын, аха иҭышәынтәалан, ус шакәызгьы абҵарамзазы Нельсон деицәахеит аҟынтә ирыԥҳақәа аҵәыҵәри аппарат иаҿаркуеит. Аҳақьымцәа ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ԥхынҷкәынмза 5, 2013 шықәсазы Мандела игәы аанкылоит. Нельсон Мандела усҟан 95 шықәса ихыҵуан. Хымш ирылагӡаны ИуАР аҳҭнықалақь аҿы аныҟәарақәа зегьы аанкылан, арҭ амшқәа рзы бзиа еицырбоз аполитик зықьҩыла ауаа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон. Нельсон иԥсыжра еиҿкаан ԥхынҷкәынмза 15, 2013 шықәсазы Цгуну ақыҭан, ихәыҷрашықәсқәа зегьы ахьихигаз.https://www.vedomosti.ru/politics/articles/2013/12/06/skonchalsya-eks-prezident-yuar-nelson-mandela Аинтерес зҵоу афактқәа Мандела ахьыӡқәа хԥа иман, данниз Холилала ихьӡырҵеит. Англыз хьӡы Нельсон ашкол аҟны иоуеит. ИуАР Нельсон Мандела дырдыруеит иара убасгьы, Мадиба ҳәа (ари ажәлар коса рклан хьӡқәа иреиуоуп). Мандела 1964 шықәсазы иԥсҭазаара зегьы ҭакрала ахгара иқәҵан. Иҭакра аамҭа аиҳарак адгьылбжьаха Роббен ихигеит. Анаҩс, ҷыдалатәи арежим ахьыҟаз абахҭа Поллсмур ахь диаган. Ҭакрала ихигаз 27 шықәса рахьтә 17 шықәса акамера аҟны ихала дҭакын, уа шықәсыбжак ахь знык аҭел асреи, салам шәҟәык аҩреи ракәын зинс имаз. Иҭакра аамҭа иалагӡаны Мандела латәарада Лондантәи ауниверситет дҭаланы далгеит.https://www.peoples.ru/friday/25_facts_about_nelson_mandela.html 1990-тәи ашықәсазы ИуАР аиҳабыра Мандела ихы дақәиҭнатәуеит. 27 шықәса аҟынтә аҵыхәтәантәи амзақәа ахьихигаз Кеиптаунтәи абахҭа «Виктор Верстер» аҟны иахьа Мандела ибаҟа гылоуп. Нельсон иԥа еиҳабы – Тембекиле амҩатә машәыр аан дҭахеит, иара абахҭа данҭакыз аамҭазы. Иԥа иԥсыжрахь анеира ИуАР амчрақәа азин ирымҭеит. 1994 шықәсазы иара дҟалоит зцәеижьи еиқәаҵәаз рахьтә ИуАР раԥхьатәи ахадас, уи апартеид даҿагыланы дықәԥон. 1993 шықәсазын Нельсон Мандела адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан. Хәышықәса президентс иҟазаара иалагӡаны, Мандела илшеит ахәыҷқәеи зыбаҩзтәымыз аҳәсеи рзы хәыԥсадатәи амедицина рзеиҿкаара, жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа ашкол аҿы хәыдаԥсада аҵара рҵон, зегьы ацхыраагӡақәа роуан, ақыҭа аҿы инхоз рхы аныҟәгаразы адотациақәа роуан. Абарҭқәа рнаҩсангьы, Мандела ибзоурала азакәан ҿыцқәа алагалан, адгьыл, аусуратә еизыҟазаашьақәа, аусура алагаразы зегьы ирзеиԥшыз аҭагылазаашьақәа уҳәа реиԥш иҟаз азакәанԥҵаратә актқәа. Нельсон Мандела иаамҭазтәи иеиҳабыра, афымцамҩангара, ателтә цәаҳәақәа рымҩангара, анхарҭатә сектор аргылара, амедицинатә усбарҭақәа рыргылара рнапы алакын.https://vm.ru/politics/148938-7-interesnyh-faktov-o-nelsone-mandele 1999 шықәсазы иара аполитика аҟынтәи дцоит. 2009 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ԥхынгәымза 18 Нельсон Мандела Имш ҳәа рыланаҳәеит. 80 шықәса анихыҵуаз Нельсон Мандела Мозамбик ахадас иҟаз, зхаҵа дыԥсхьаз, Граса Машел ԥҳәысс дигоит. Граса Машел адунеи аҟны ҩ-тәылак рхадацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дрыԥшәмаԥҳәысын. 2011 шықәсазы Мандела 93 шықәса зхыҵуаз 12 миллионҩык инарыцны ашколхәыҷқәа аамҭак ала адныҳәаларатә ашәа изырҳәеит. 2009 шықәсазы Нельсон Мандела иԥсҭазаара шьаҭас иҟаҵаны иҭыхын анысмҩатә фильм – адрама «Непокорный».https://gazeta.ua/ru/articles/necrology/_pervyj-temnokozhij-prezident-provel-v-tyurme-27-let/807574 Азгәаҭақәа Акатегориа:Ԥхынгәымза 18 рзы ииз Акатегориа:1918 шықәсазы ииз Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 5 рзы иԥсыз Акатегориа:2013 шықәсазы иԥсыз
37721
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кинг,_Мартин_Лиутер
Кинг, Мартин Лиутер
{{Акарточка аполитик}} '''Мартин Лиутер Кинг''' ({{date|15|1|1929}}, [[Атланта]], [[аштат Џьорџьиа]], [[ЕАА]] — {{date|4|4|1968}}, [[Мемфис]], [[аштат Теннесси]], ЕАА) — еицырдыруа Америкатәи аусзуҩы, ауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рзықәԥаҩ Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Ари ауаҩ иоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны асегрегациа иаҿагыланы иқәԥоз рахьтә милаҭтә фырхаҵаны иҟалаз, уи игәаанагара ицеиҩыршон адунеи ауааԥсыра реиҳараҩык.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/2064215 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2022-11-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221117092645/https://bigenc.ru/world_history/text/2064215 |url-status=dead }}</ref> == Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа == Европа аҩажәатәи ашәышықәса иҭагылан. Атәтәра шаԥырххьазгьы, декабр мза, 1865 шықәсазы аграждантә еибашьра иахҟьаны, зцәеижьи шкәакәамыз ауааԥсыра рахь ауаажәларра ирымаз атәамбара аҽамԥсахыцызт, избанзар аҳәынҭқарра иара ус акагь ҟанамҵеит ауаа еиқәаҵәақәа закәанла рыхьчаразы. Зцәеижьи еиқәаҵәаз зин ҳәа акагь рымамызт, аҩбатәи асорт иаҵанакуа уааны иԥхьаӡан. Урҭ аусура бзиахь иргомызт, алхрақәа рылахәра азин рыҭамызт. Америка аграждантә еибашьра ашьҭахь, Джон Кроу иофициалтәымыз изакәанқәа аус руан, уи ала ауаа еиқәаҵәақәа еиҳа хыԥхьаӡарала имаҷыз ашкәакәақәа зинла ираҟараны ҟалашьа амамызт. Зцәеижьы еиқәаҵәаз ауааԥсыра ҳәа иԥхьаӡан иарбанызаалак араԥцәа ршьа злаз зегьы.<ref>https://24smi.org/celebrity/5005-martin-liuter-king.html</ref> Абарҭ ауаажәларратә еиҿыхарақәа раан диит Мартин Лиутер Кинг, уи ҟалеит ианар мза 15, 1929 шықәсазы Атланта ақалақь аҟны, аштат Џьорџьиа, Америка аладатәи ахәҭа аҟны. Ари аҭыԥ аҿы акәын иахьынхоз араԥ уааԥсыра абжьаратәи акласс иаҵанакуаз рхаҭарнакцәа.<ref>{{Cite web |url=https://worldofaphorism.ru/b/1002 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2021-04-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210415084925/https://worldofaphorism.ru/b/1002 |url-status=dead }}</ref> Аҷкәын иаб Мартин Лиутер Кинг аиҳабы, абаптисттә уахәама аҟны пасторс дыҟан, иан лакәзар, Альберта Уилиамс Кинг, хаҵа дцаанӡа рҵаҩыс аус луан. Аҭаацәара рхада аԥхьа Маикл ҳәа иарҳәон, аха анаҩс иара ихьӡгьы иԥа ихьыӡгьы иԥсахит Мартин ала. Мартин аиҵбы аҩбатәи хәыҷын аҭаацәар рҟны, иузҳәом Кингаа ирыцҳаны инхон ҳәа: аԥхьаҟа аиҟарара иазықәԥаҩхараны иҟаз иҭаацәа ибжьаратәны инхоз рыкласс ахь иаҵанакуан, акы иазрыцҳаны иҟамызт. Кинг драаӡон адинхаҵаратә ҭагылазаашьа ахьыҟаз, уи азы цәгьоурак аныҟаиҵалак зны-зынла апҟарагьы ахархәара арҭон. Аха, Мартин аиҳаби Альберта Уилиамси ирылшоз зегьы ҟарҵон рԥа аҿиара змаз арасисттә цәымӷра иацәыхьчаразы. Аҷкәын фышықәса анихыҵуаз, дәык аҟны ицыхәмаруаз иҩыза ҷкәын убас еиԥш иеиҳәеит: «Сан азин сылҭаӡом уара уцыхәмарра уцәеижьы ахьеиқәаҵәоу иахҟьаны» ҳәа. Иҟалаз ашьҭахь Альберта Уилиамс даара лыҷкәын диабжьон, диацәажәон, иалҳәон иара аӡәгьы дышиеицәам. Кинг жәашықәса анихыҵуаз, абаптистцәа руахәама аҟны ашәа иҳәон. Убри аамҭазы Атланта идырбан афильм «Унесенные ветром», ахоргьы ари ахҭыс иалахәын. Аԥхьаҟа иполитикатә усзуҩы дуны иҟалараны иҟаз, иқәра иаҵанамкуа даара дҟәыӷан, Мартин Лиутер Кинг хәба-хәба ҳәа араԥцәа рышкол аҟны аҵара иҵон. Аҷкәын ажәбатәии ажәаҩатәии аклассқәа дрылымгеит, иара ихала ашколтә программа аҩны дахысит, 15 шықәса анихыҵуаз екстерла дагьҭалоит Морхаузтәи ауниверситет. 1944 шықәсазы Мартин ацәажәаҩцәа рыбжьара еиҿкааз аицлабра аҟны аиааира игоит, уи мҩаԥган Џьорџьиа, зцәеижьи еиқәаҵәаз ауааԥсыра рыбжьара.<ref>http://evekaz.narod.ru/project/biography.htm</ref> Кинг аҟны иҵара ашықәсқәарзы далалоит «зцәеижьи еиқәараз ауааԥсыра рпрогресстә милаҭтә ассоциациа», иагьеиликаауеит арасизм иаҿагыланы ишықәгыло араԥцәа реиԥш, ауаа шкәакәақәагьы. 1948 шықәсазы Мартин далгоит ауниверситет, иагьиоуеит асоциологиа абакалавр астепен. Мартин Лиутер Кинг даныстудентыз иаб Еибенезертәи ауахәама аҟны дицхраалон. Кинг аиҳабы иусуратә ҭыԥ аҿы, аԥхьаҟа уаажәларратә усзуҩны иҟалараны иҟаз, лассы-лассы иҭаауаз сасны дыҟан. 1947 шықәсазы Мартин Кинг аиҵбы ауахәама аусзуҩы ицхырааҩ ҳәа ахьӡ идикылоит. Аполитик иҵара иациҵоит Кроузертәи атеологиатә семинариа аҟны, ақалақь Честер, уи аштат Пенсильваниа акәын иахьыҟаз. Уа аԥхьаҟа иреволиуционерхаз адинҭҵаара адоктор истепен иоуеит 1951 шықәсазы, анаҩс иҵара иациҵоит бостонтәи аспирантураҿы, 1955 шықәса рзын афилософиа адоктор истепен иоуеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.peoplelife.ru/133663 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126112302/https://www.peoplelife.ru/133663 |url-status=dead }}</ref> == '''Аусура''' == Мартин Лиутер Кинг иаби иабдуи рышьҭра дықәлеит, 1954 шықәсазы аполитик абаптисттә уахәама аҟны дпасторхоит. Иԥсҭазаара зегьы анцәахаҵареи ахақәиҭреи, аиҟарареи аидеиақәа дрықәныҟәон. Кинг даара аоратортә ҟазара илан, урҭ иахәҭаз ахырхарҭақәа аҟынгьы ахархәара аҭара илшеит. Мартин НАПЦН активлатәи алахәылас дыҟан, анаҩс 1955 шықәсазы Монтгомери аиӷьтәразы ассоциациа анапхгаҩыс дҟалоит. Мартин Лиутер Кинг Мантгомери автобусқәа рцәаҳәа абоикот дахагылан. Иофициалтәым аиқәышаҳаҭра ала зцәеижьи шкәакәамыз апассаџьырцәа атранспорт ахархәара азин рымамызт, автобус аҟны раԥхьатәи атәарҭа ҭыԥқәа ԥшьба рҟны итәоз ауаа шкәакәақәа ракәын.<ref>https://www.golosameriki.com/a/a-33-2006-01-16-voa7/626345.html</ref> Иара убасгьы, аӡәырҩы автобус арныҟәцаҩцәа рхы ҽеины имҩаԥыргомызт, афроамерикаа рганахь ала иакәымкәа ицәажәон. Ауаажәларратә усзуҩы зцәеижьи еиқәараз Роза Парк зны мап лкит «еиҳа азин змаз» ахаҵа иртәаразы, уи иахырҟьаны лара аҭыԥантәи аполициа ддырбаандаҩуеит. Ас еиԥш иҟаз ахҭыс, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны лассы-лассы иуԥылон зцәеижи еиқәараз ауаа ааныркылон. Автобус арныҟәцаҩ аӡәгьы дилацәажәомызт, афроамерикаа апассаџьырцәа рахьтә руаӡәык иеихсны дыршьыргьы.<ref>https://www.tvc.ru/news/show/id/59286</ref> Мартин Лиутер Кинг ари ауаажәларратә проблема ианышәарц згәы иҭамыз, еиҿикаауеит ақәымчра зцымыз атранспорттә баикот, уи иалахәын афроамерикаа. Апротест шықәсык еиҳаны ицон, хышәи ԥшьынҩажәи ҩба мшы инеиԥынкыланы. Зцәеижьы еиқәаҵәаз зегьы мап ацәыркит ауаажәларратә транспорт ала аныҟәара, дара шьапыла иныҟәон, убри аан ахақәиҭреи аиҟарареи рахь ауаа аазыԥхьоз ааԥхьарақәа ҟарҵон. Зны-зынла афроамерикатәи амашьынарныҟәцаҩцәа абоикот иалахәыз ауаа шьҭырхуан, аха дара ауаажәларратә транспорт ақәтәара мап ацәыркуан. Акциа иалахәын ф-нызқьҩык ауаа. Акраамҭатәи акциа қәҿиарала имҩаԥысит, 1957 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра ахадара ақәҵара аднакылеит, уа иаҳәон Алабама аштат аҿы ауааԥсыра рзинқәа рыхәаҽра Еиду Америкатәи Аштатқәа рконституциа ишаҿагыло, Таимс акәзар, иакьыԥхьуеит Мартин иҿцәажәара, насгьы ацәаҟны Мартин ифото аннаҵоит. Ауаа зегьы Мартин Кинг идгыломызт, апротестқәа рымҩаԥгара аан изныкымқәа иқәлахьан, иҩнгьы ԥыржәарц иақәыркхьан. Мартин Лиутер Кинг зцәеижьы еиқәараз ауааԥсыра рзы дҿырԥшыгахеит, насгьы ахақәиҭреи азинқәа реиҟарареи дырсимволны дҟалеит. Кинг ииӡбаз қәымчрадатәи аоппозициа азы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.<ref>{{Cite web |url=http://www.nobeliat.ru/laureat.php?id=165 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2016-11-18 |archive-url=https://web.archive.org/web/20161118101324/http://www.nobeliat.ru/laureat.php?id=165 |url-status=dead }}</ref> Иара убасгьы, Мартин Лиутер Кинг адемонстрациақәа еизигон иарбанызаалак асегрегациа аарԥшразы иазырхаз. Убас, 1962 шықәсазы Мартин «Ауаҩы изинқәа рзы алабаматәи ақьырсианцәа рҵысра» аилазаара далалоит. Кинг иара убасгьы адемонстрациақәа ирыдиԥхьалон ауниверситет аҟны аҵара зҵозгьы, урҭ амитингқәа рахь ицәырҵуан. Мартин Лиутер Кинг еиҿикаауаз «Аҵысрақәа» ақәымчратә ҟазшьа шрымамызгьы, астудентцәа амаҵзуратә лақәа рыжәырҵон. Иара Мартин Кинг ихаҭа иакәзар, акырынтә дҭаркхьан. 1962 шықәсазы аштат Миссисипи ауниверситет даднакылоит зцәеижьи еиқәаҵәаз астудент Џьеимс Мередит, уи иоуп раԥхьатәи араԥ студентс иҟалазгьы. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны иҟан аиқәаҵәақәа рзын ҷыдалатәи аҵараиурҭақәа, урҭ ауаа шкәакәақәа реиԥш азин рымамызт аҵаразы. Убри аҟынтә зцәеижьи еиқәаҵәаз ауниверситет ахь идкылара ари раԥхьатәи прогрессын, аха зегьы ақәшаҳаҭмызт афроамерикаа аҵараиурҭақәа рҭаҵара, иаҳҳәозар, Алабама агубернатор Џьорџь Уоллес арассатә мцхаҵарақәа дрықәшаҳаҭын аҟнытә, ҩыџьа зцәа еиқәаҵәаз астудентцәа ауниверситет ахь амҩа рзикуеит. Мартин Кинг ишилшоз ала ауаҩы изинқәа рыхьчара дазықәԥон, асегрегациа шықәсырацәала даҿагылон. Аха Мартин Лиутер Кинг, зцәа еиқәаҵәаз ауаажәларратә усзуҩы, деицырдыруа дҟазҵаз даҽа акциоуп, уи ахҭыс аҭыԥ аман 1963 шықәсазы, иагьарҭбааит Мартин Кинг иполитикатә нысмҩа.<ref>https://www.usa-info.com.ua/personality/martin-lyuter-king</ref> Акциа «марш на Вашингтон» иалахәхаразы еизеит 300-нызқьҩык Америкаа. Кинг ари акциа аан даара ауаа ргәалашәараҿы иаанхаз ажәахә ҟаиҵеит, уи абарҭ ажәақәа рыла иалагон: «Сара исымоуп агәазыҳәара…». Мартин арасатә еинышәаразы ааԥхьара ҟаиҵеит, иагьиҳәеит ауаҩы иарбан милаҭзаалак дызҵазкуазаалак акәӡам ихадоу, уи ҩныҵҟала дзеиԥшроу ауп ҳәа. Амарш аԥхьагылацәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Кеннеди иԥылеит, ирылацәажәеит ауаажәларратә проблемақәа. 1964 шықәсазы анапы аҵаҩын «Аграждантә зинқәа рзы» азакәан, уи зцәа еиқәаҵәаз ауаа рзинқәа ахьчон.<ref>https://stuki-druki.com/authors/King_Martin-Luther.php</ref> == Аидеиақәеи адунеихәаԥшышьақәеи == Мартин Кинг идунеихәаԥшра асегрегациа апроблема аӡбара мацара аҟны иаанымгылеит. Ари аполитик Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылауаа рзинеиҟарареи рхақәиҭреи дазықәԥон, уи аусурҭа аҟамзаареи, амлакреи рызҵаарақәа даара игәы иҵхон. Мартин лассы-ласс ныҟәара дцалон, дахьнеиуазгьы ақәгыларақәа мҩаԥигон, ауаа рзинқәа рыхьчалартә ааԥхьарақәа ҟаиҵон. Убри аан Мартин Лиутер Кинг игәаанагара ала, иарбанызаалак ауаажәларратә қәԥара ақәымчра ацымзар акәын, избанзар иара иҳәон — ажәала иуӡбо рацәоуп, аибашьрақәеи ақәԥарақәеи ахархәара рымҭакәа ҳәа. Лиутер акыр ашәҟәқәа иҩит, урҭ азини ауаажәларратә зини рзы ирҵаганы шәҟәқәаны иҟалеит.<ref>https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html</ref> == Ахатәы ԥсҭазаара == Мартин Лиутер Кинг хаҭашьала даара илахҿыхыз уаҩын, дқьиан, аҭаацәараҿы акәзар, дҿырԥшыган, ихшаз бзиа ибон. Иара иман ԥшьҩык ахшара. Аконсерваториа аҵаҩы Коретта Скотти Мартини еибадырит 1952 шықәсазы, Бостон иҟазаара аан.<ref>https://www.tvc.ru/news/show/id/59286</ref> Кинг ԥҳәысс иалихыз иҭаацәагьы даара дыргәаԥхеит, еибагарц азгьы иақәшаҳаҭхеит. Аԥхын, 1953 шықәсазы Кинги Кореттеи еибагеит, ачара рыман иԥҳәыс лҭаацәа рҿы. Урҭ дрықәныҳәеит, агәыргьанхаҵарагьы мҩаԥигеит Мартин Кинг иаб. Ҭагалан 1954 шықәсазы Кингаа рҭаацәа аштат Алабамаҟа нхара ицоит, ақалақь Мантгомери ашҟа, уа иагьалагоит Мартин Лиутер иусура хадагьы.<ref>https://theperson.pro/martin-lyuter-king/</ref> == Аԥсра == 1968 шықәса, февраль мзазы ақалақь Мемфис, аштат Теннесси аҟны афроамерикаа агәамсамықәгаҩцәа рықәгылара еиҿыркаауан. Аусуцәа руалафахәы ианаамҭаз рзымшәаразы, насгьы аиҳабыра дара рганахь иаадырԥшуаз азыҟазаашьазы; асегрегациа еиԥшыз иаҿагылон, ашкәакәақәа амшцәгьа аныҟаз аусура иҭымҵыргьы ауан, аха аиқәаҵәақәа адыд-мацәыс аныҟазгьы агәамсам ықәыргалар акәын. Абарҭқәа ззымычҳаз ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Мартин Лиутер Кинг идҵаалеит. Апрель 3 рзы, Мартин Кинг дырҩегьых Теннессиҟа ддәықәлоит, аха аполитик иреис иԥсахыр акәхеит, избанзар аҳаирплан аҟны артҟәацга ыҟазар ауеит ҳәа рыларҳәеит. Ақалақь аҟны ауаажәларратә усзуҩы амотель «Лореин» аҟны 306 – тәи ауада ааникылоит.<ref>https://www.gazeta.ru/science/2018/04/04_a_11705528.shtml</ref> Уахыки-ҽнаки ааҵхьан еиԥш, Мартин Лиутер Кинг иномер абалкон дшықәгылаз, ашкәакәа цәгьоуҩы Джеимс Ерл Реи аполитик диеихсуеит. Джеимс знык дхысит: ахы Мартин Лиутер Кинг ицламҳәа иаахеит. Аполитик иԥсҭазаара далҵит иԥшьоу Иосиф ихәышәтәырҭаҟны 19 сааҭи 05 минуҭи рзы. Мартин Кинг иԥсра аламҭалазы абас еиԥш ажәа иҳәеит: «Сара сыҟан ашьха ақәцә аҟны» — ҳәа. Азыӡырҩцәа Мартин Кинг аҵыхәтәантәи иқәгылара аҟынтә абри ацитата гәныркылеит:<ref>https://www.5-tv.ru/news/194789/</ref> '''«Дарбанызаалак иеиԥш саргьы исҭахын акраамҭа аԥсҭазаара. Ақәра рацәа анҵра акраҵанакуеит. Аха, сара уажәы уи сазхәыцуам. Исҭаху акоуп — Анцәа иажәа анагӡара».''' Мартин Кинг дызшьыз Джеимс аполициа дааныркылеит: иара ииуз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит, игәы иаанагон иҟаз шыҟаз иҳәар ашықәс маҷны иқәырҵап ҳәа, аха аӡбарҭа аҟны ацәгьоуҩы 99 шықәса ҭакрыла ахгара иқәырҵоит. Усҟан Реи аҳәамҭа ҟаиҵеит, аӡәгьы дсымшьит ҳәа, аха аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара амԥсахит. Абас шакәызгьы, Кинг ишьра аус аҟны еилкаам аҭагылазаашьақәа маҷым. Ҿырԥштәыс иаагозар, еилкаам иарбан бџьару аснаипер дызлахысыз, аиашазы Джеимс Реи Мартин Кинг ишьра иалахәхарагьы шьақәыргыламызт. Мартин Кинг иԥшәмаԥҳәыс аӡбарҭа ақәҵара даарагьы илгәамԥхеит, избанзар, лара лгәаанагара ала, ари ацәгьоура ҟазҵаз аӷьычразы иҭакыз ибналаз ацәгьоуҩы иакәмызт, ари политикатә чарҳәаран. Убри аҟынтә, Реи иԥсрагьы Коретта даара лгәы иалсит, уи аӡәк иакәын аиаша здыруаз азы. Мартин Кинг дызшьыз иахьа уажәраанӡагьы имаӡаны иаанхоит. Аполитикатә усзуҩы игәаларшәара аҳаҭыр азы Америка, есышықәса ианар мза ахԥатәи ашәахьа аҽны иазгәарҭоит «Мартин Лиутер Кинг имш». Ари амш азгәаҭара шьақәырӷәӷәан 2000 шықәсазы. Иара убасгьы, Мартин игәаларшәаразы иҭыхын адокументалтә фильмқәа, урҭ аполитик иусура атәы еиҭарҳәоит. Мартин Кинг анышә дамадоуп «Мартин Лиутер Кинг имилаҭтә ҭоурыхтә музеи» ашҭаҟны.<ref>https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 15 рзы ииз]] [[Акатегориа:1929 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 4 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1968 шықәсазы иԥсыз]]
Мартин Лиутер Кинг (, Атланта, аштат Џьорџьиа, ЕАА — , Мемфис, аштат Теннесси, ЕАА) — еицырдыруа Америкатәи аусзуҩы, ауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рзықәԥаҩ Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Ари ауаҩ иоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны асегрегациа иаҿагыланы иқәԥоз рахьтә милаҭтә фырхаҵаны иҟалаз, уи игәаанагара ицеиҩыршон адунеи ауааԥсыра реиҳараҩык. Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа Европа аҩажәатәи ашәышықәса иҭагылан. Атәтәра шаԥырххьазгьы, декабр мза, 1865 шықәсазы аграждантә еибашьра иахҟьаны, зцәеижьи шкәакәамыз ауааԥсыра рахь ауаажәларра ирымаз атәамбара аҽамԥсахыцызт, избанзар аҳәынҭқарра иара ус акагь ҟанамҵеит ауаа еиқәаҵәақәа закәанла рыхьчаразы. Зцәеижьи еиқәаҵәаз зин ҳәа акагь рымамызт, аҩбатәи асорт иаҵанакуа уааны иԥхьаӡан. Урҭ аусура бзиахь иргомызт, алхрақәа рылахәра азин рыҭамызт. Америка аграждантә еибашьра ашьҭахь, Джон Кроу иофициалтәымыз изакәанқәа аус руан, уи ала ауаа еиқәаҵәақәа еиҳа хыԥхьаӡарала имаҷыз ашкәакәақәа зинла ираҟараны ҟалашьа амамызт. Зцәеижьы еиқәаҵәаз ауааԥсыра ҳәа иԥхьаӡан иарбанызаалак араԥцәа ршьа злаз зегьы.https://24smi.org/celebrity/5005-martin-liuter-king.html Абарҭ ауаажәларратә еиҿыхарақәа раан диит Мартин Лиутер Кинг, уи ҟалеит ианар мза 15, 1929 шықәсазы Атланта ақалақь аҟны, аштат Џьорџьиа, Америка аладатәи ахәҭа аҟны. Ари аҭыԥ аҿы акәын иахьынхоз араԥ уааԥсыра абжьаратәи акласс иаҵанакуаз рхаҭарнакцәа. Аҷкәын иаб Мартин Лиутер Кинг аиҳабы, абаптисттә уахәама аҟны пасторс дыҟан, иан лакәзар, Альберта Уилиамс Кинг, хаҵа дцаанӡа рҵаҩыс аус луан. Аҭаацәара рхада аԥхьа Маикл ҳәа иарҳәон, аха анаҩс иара ихьӡгьы иԥа ихьыӡгьы иԥсахит Мартин ала. Мартин аиҵбы аҩбатәи хәыҷын аҭаацәар рҟны, иузҳәом Кингаа ирыцҳаны инхон ҳәа: аԥхьаҟа аиҟарара иазықәԥаҩхараны иҟаз иҭаацәа ибжьаратәны инхоз рыкласс ахь иаҵанакуан, акы иазрыцҳаны иҟамызт. Кинг драаӡон адинхаҵаратә ҭагылазаашьа ахьыҟаз, уи азы цәгьоурак аныҟаиҵалак зны-зынла апҟарагьы ахархәара арҭон. Аха, Мартин аиҳаби Альберта Уилиамси ирылшоз зегьы ҟарҵон рԥа аҿиара змаз арасисттә цәымӷра иацәыхьчаразы. Аҷкәын фышықәса анихыҵуаз, дәык аҟны ицыхәмаруаз иҩыза ҷкәын убас еиԥш иеиҳәеит: «Сан азин сылҭаӡом уара уцыхәмарра уцәеижьы ахьеиқәаҵәоу иахҟьаны» ҳәа. Иҟалаз ашьҭахь Альберта Уилиамс даара лыҷкәын диабжьон, диацәажәон, иалҳәон иара аӡәгьы дышиеицәам. Кинг жәашықәса анихыҵуаз, абаптистцәа руахәама аҟны ашәа иҳәон. Убри аамҭазы Атланта идырбан афильм «Унесенные ветром», ахоргьы ари ахҭыс иалахәын. Аԥхьаҟа иполитикатә усзуҩы дуны иҟалараны иҟаз, иқәра иаҵанамкуа даара дҟәыӷан, Мартин Лиутер Кинг хәба-хәба ҳәа араԥцәа рышкол аҟны аҵара иҵон. Аҷкәын ажәбатәии ажәаҩатәии аклассқәа дрылымгеит, иара ихала ашколтә программа аҩны дахысит, 15 шықәса анихыҵуаз екстерла дагьҭалоит Морхаузтәи ауниверситет. 1944 шықәсазы Мартин ацәажәаҩцәа рыбжьара еиҿкааз аицлабра аҟны аиааира игоит, уи мҩаԥган Џьорџьиа, зцәеижьи еиқәаҵәаз ауааԥсыра рыбжьара.http://evekaz.narod.ru/project/biography.htm Кинг аҟны иҵара ашықәсқәарзы далалоит «зцәеижьи еиқәараз ауааԥсыра рпрогресстә милаҭтә ассоциациа», иагьеиликаауеит арасизм иаҿагыланы ишықәгыло араԥцәа реиԥш, ауаа шкәакәақәагьы. 1948 шықәсазы Мартин далгоит ауниверситет, иагьиоуеит асоциологиа абакалавр астепен. Мартин Лиутер Кинг даныстудентыз иаб Еибенезертәи ауахәама аҟны дицхраалон. Кинг аиҳабы иусуратә ҭыԥ аҿы, аԥхьаҟа уаажәларратә усзуҩны иҟалараны иҟаз, лассы-лассы иҭаауаз сасны дыҟан. 1947 шықәсазы Мартин Кинг аиҵбы ауахәама аусзуҩы ицхырааҩ ҳәа ахьӡ идикылоит. Аполитик иҵара иациҵоит Кроузертәи атеологиатә семинариа аҟны, ақалақь Честер, уи аштат Пенсильваниа акәын иахьыҟаз. Уа аԥхьаҟа иреволиуционерхаз адинҭҵаара адоктор истепен иоуеит 1951 шықәсазы, анаҩс иҵара иациҵоит бостонтәи аспирантураҿы, 1955 шықәса рзын афилософиа адоктор истепен иоуеит. Аусура Мартин Лиутер Кинг иаби иабдуи рышьҭра дықәлеит, 1954 шықәсазы аполитик абаптисттә уахәама аҟны дпасторхоит. Иԥсҭазаара зегьы анцәахаҵареи ахақәиҭреи, аиҟарареи аидеиақәа дрықәныҟәон. Кинг даара аоратортә ҟазара илан, урҭ иахәҭаз ахырхарҭақәа аҟынгьы ахархәара аҭара илшеит. Мартин НАПЦН активлатәи алахәылас дыҟан, анаҩс 1955 шықәсазы Монтгомери аиӷьтәразы ассоциациа анапхгаҩыс дҟалоит. Мартин Лиутер Кинг Мантгомери автобусқәа рцәаҳәа абоикот дахагылан. Иофициалтәым аиқәышаҳаҭра ала зцәеижьи шкәакәамыз апассаџьырцәа атранспорт ахархәара азин рымамызт, автобус аҟны раԥхьатәи атәарҭа ҭыԥқәа ԥшьба рҟны итәоз ауаа шкәакәақәа ракәын.https://www.golosameriki.com/a/a-33-2006-01-16-voa7/626345.html Иара убасгьы, аӡәырҩы автобус арныҟәцаҩцәа рхы ҽеины имҩаԥыргомызт, афроамерикаа рганахь ала иакәымкәа ицәажәон. Ауаажәларратә усзуҩы зцәеижьи еиқәараз Роза Парк зны мап лкит «еиҳа азин змаз» ахаҵа иртәаразы, уи иахырҟьаны лара аҭыԥантәи аполициа ддырбаандаҩуеит. Ас еиԥш иҟаз ахҭыс, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны лассы-лассы иуԥылон зцәеижи еиқәараз ауаа ааныркылон. Автобус арныҟәцаҩ аӡәгьы дилацәажәомызт, афроамерикаа апассаџьырцәа рахьтә руаӡәык иеихсны дыршьыргьы.https://www.tvc.ru/news/show/id/59286 Мартин Лиутер Кинг ари ауаажәларратә проблема ианышәарц згәы иҭамыз, еиҿикаауеит ақәымчра зцымыз атранспорттә баикот, уи иалахәын афроамерикаа. Апротест шықәсык еиҳаны ицон, хышәи ԥшьынҩажәи ҩба мшы инеиԥынкыланы. Зцәеижьы еиқәаҵәаз зегьы мап ацәыркит ауаажәларратә транспорт ала аныҟәара, дара шьапыла иныҟәон, убри аан ахақәиҭреи аиҟарареи рахь ауаа аазыԥхьоз ааԥхьарақәа ҟарҵон. Зны-зынла афроамерикатәи амашьынарныҟәцаҩцәа абоикот иалахәыз ауаа шьҭырхуан, аха дара ауаажәларратә транспорт ақәтәара мап ацәыркуан. Акциа иалахәын ф-нызқьҩык ауаа. Акраамҭатәи акциа қәҿиарала имҩаԥысит, 1957 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра ахадара ақәҵара аднакылеит, уа иаҳәон Алабама аштат аҿы ауааԥсыра рзинқәа рыхәаҽра Еиду Америкатәи Аштатқәа рконституциа ишаҿагыло, Таимс акәзар, иакьыԥхьуеит Мартин иҿцәажәара, насгьы ацәаҟны Мартин ифото аннаҵоит. Ауаа зегьы Мартин Кинг идгыломызт, апротестқәа рымҩаԥгара аан изныкымқәа иқәлахьан, иҩнгьы ԥыржәарц иақәыркхьан. Мартин Лиутер Кинг зцәеижьы еиқәараз ауааԥсыра рзы дҿырԥшыгахеит, насгьы ахақәиҭреи азинқәа реиҟарареи дырсимволны дҟалеит. Кинг ииӡбаз қәымчрадатәи аоппозициа азы адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан. Иара убасгьы, Мартин Лиутер Кинг адемонстрациақәа еизигон иарбанызаалак асегрегациа аарԥшразы иазырхаз. Убас, 1962 шықәсазы Мартин «Ауаҩы изинқәа рзы алабаматәи ақьырсианцәа рҵысра» аилазаара далалоит. Кинг иара убасгьы адемонстрациақәа ирыдиԥхьалон ауниверситет аҟны аҵара зҵозгьы, урҭ амитингқәа рахь ицәырҵуан. Мартин Лиутер Кинг еиҿикаауаз «Аҵысрақәа» ақәымчратә ҟазшьа шрымамызгьы, астудентцәа амаҵзуратә лақәа рыжәырҵон. Иара Мартин Кинг ихаҭа иакәзар, акырынтә дҭаркхьан. 1962 шықәсазы аштат Миссисипи ауниверситет даднакылоит зцәеижьи еиқәаҵәаз астудент Џьеимс Мередит, уи иоуп раԥхьатәи араԥ студентс иҟалазгьы. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны иҟан аиқәаҵәақәа рзын ҷыдалатәи аҵараиурҭақәа, урҭ ауаа шкәакәақәа реиԥш азин рымамызт аҵаразы. Убри аҟынтә зцәеижьи еиқәаҵәаз ауниверситет ахь идкылара ари раԥхьатәи прогрессын, аха зегьы ақәшаҳаҭмызт афроамерикаа аҵараиурҭақәа рҭаҵара, иаҳҳәозар, Алабама агубернатор Џьорџь Уоллес арассатә мцхаҵарақәа дрықәшаҳаҭын аҟнытә, ҩыџьа зцәа еиқәаҵәаз астудентцәа ауниверситет ахь амҩа рзикуеит. Мартин Кинг ишилшоз ала ауаҩы изинқәа рыхьчара дазықәԥон, асегрегациа шықәсырацәала даҿагылон. Аха Мартин Лиутер Кинг, зцәа еиқәаҵәаз ауаажәларратә усзуҩы, деицырдыруа дҟазҵаз даҽа акциоуп, уи ахҭыс аҭыԥ аман 1963 шықәсазы, иагьарҭбааит Мартин Кинг иполитикатә нысмҩа.https://www.usa-info.com.ua/personality/martin-lyuter-king Акциа «марш на Вашингтон» иалахәхаразы еизеит 300-нызқьҩык Америкаа. Кинг ари акциа аан даара ауаа ргәалашәараҿы иаанхаз ажәахә ҟаиҵеит, уи абарҭ ажәақәа рыла иалагон: «Сара исымоуп агәазыҳәара…». Мартин арасатә еинышәаразы ааԥхьара ҟаиҵеит, иагьиҳәеит ауаҩы иарбан милаҭзаалак дызҵазкуазаалак акәӡам ихадоу, уи ҩныҵҟала дзеиԥшроу ауп ҳәа. Амарш аԥхьагылацәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Кеннеди иԥылеит, ирылацәажәеит ауаажәларратә проблемақәа. 1964 шықәсазы анапы аҵаҩын «Аграждантә зинқәа рзы» азакәан, уи зцәа еиқәаҵәаз ауаа рзинқәа ахьчон.https://stuki-druki.com/authors/King_Martin-Luther.php Аидеиақәеи адунеихәаԥшышьақәеи Мартин Кинг идунеихәаԥшра асегрегациа апроблема аӡбара мацара аҟны иаанымгылеит. Ари аполитик Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылауаа рзинеиҟарареи рхақәиҭреи дазықәԥон, уи аусурҭа аҟамзаареи, амлакреи рызҵаарақәа даара игәы иҵхон. Мартин лассы-ласс ныҟәара дцалон, дахьнеиуазгьы ақәгыларақәа мҩаԥигон, ауаа рзинқәа рыхьчалартә ааԥхьарақәа ҟаиҵон. Убри аан Мартин Лиутер Кинг игәаанагара ала, иарбанызаалак ауаажәларратә қәԥара ақәымчра ацымзар акәын, избанзар иара иҳәон — ажәала иуӡбо рацәоуп, аибашьрақәеи ақәԥарақәеи ахархәара рымҭакәа ҳәа. Лиутер акыр ашәҟәқәа иҩит, урҭ азини ауаажәларратә зини рзы ирҵаганы шәҟәқәаны иҟалеит.https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html Ахатәы ԥсҭазаара Мартин Лиутер Кинг хаҭашьала даара илахҿыхыз уаҩын, дқьиан, аҭаацәараҿы акәзар, дҿырԥшыган, ихшаз бзиа ибон. Иара иман ԥшьҩык ахшара. Аконсерваториа аҵаҩы Коретта Скотти Мартини еибадырит 1952 шықәсазы, Бостон иҟазаара аан.https://www.tvc.ru/news/show/id/59286 Кинг ԥҳәысс иалихыз иҭаацәагьы даара дыргәаԥхеит, еибагарц азгьы иақәшаҳаҭхеит. Аԥхын, 1953 шықәсазы Кинги Кореттеи еибагеит, ачара рыман иԥҳәыс лҭаацәа рҿы. Урҭ дрықәныҳәеит, агәыргьанхаҵарагьы мҩаԥигеит Мартин Кинг иаб. Ҭагалан 1954 шықәсазы Кингаа рҭаацәа аштат Алабамаҟа нхара ицоит, ақалақь Мантгомери ашҟа, уа иагьалагоит Мартин Лиутер иусура хадагьы.https://theperson.pro/martin-lyuter-king/ Аԥсра 1968 шықәса, февраль мзазы ақалақь Мемфис, аштат Теннесси аҟны афроамерикаа агәамсамықәгаҩцәа рықәгылара еиҿыркаауан. Аусуцәа руалафахәы ианаамҭаз рзымшәаразы, насгьы аиҳабыра дара рганахь иаадырԥшуаз азыҟазаашьазы; асегрегациа еиԥшыз иаҿагылон, ашкәакәақәа амшцәгьа аныҟаз аусура иҭымҵыргьы ауан, аха аиқәаҵәақәа адыд-мацәыс аныҟазгьы агәамсам ықәыргалар акәын. Абарҭқәа ззымычҳаз ауаа рзинқәа рыхьчаҩ Мартин Лиутер Кинг идҵаалеит. Апрель 3 рзы, Мартин Кинг дырҩегьых Теннессиҟа ддәықәлоит, аха аполитик иреис иԥсахыр акәхеит, избанзар аҳаирплан аҟны артҟәацга ыҟазар ауеит ҳәа рыларҳәеит. Ақалақь аҟны ауаажәларратә усзуҩы амотель «Лореин» аҟны 306 – тәи ауада ааникылоит.https://www.gazeta.ru/science/2018/04/04_a_11705528.shtml Уахыки-ҽнаки ааҵхьан еиԥш, Мартин Лиутер Кинг иномер абалкон дшықәгылаз, ашкәакәа цәгьоуҩы Джеимс Ерл Реи аполитик диеихсуеит. Джеимс знык дхысит: ахы Мартин Лиутер Кинг ицламҳәа иаахеит. Аполитик иԥсҭазаара далҵит иԥшьоу Иосиф ихәышәтәырҭаҟны 19 сааҭи 05 минуҭи рзы. Мартин Кинг иԥсра аламҭалазы абас еиԥш ажәа иҳәеит: «Сара сыҟан ашьха ақәцә аҟны» — ҳәа. Азыӡырҩцәа Мартин Кинг аҵыхәтәантәи иқәгылара аҟынтә абри ацитата гәныркылеит:https://www.5-tv.ru/news/194789/ «Дарбанызаалак иеиԥш саргьы исҭахын акраамҭа аԥсҭазаара. Ақәра рацәа анҵра акраҵанакуеит. Аха, сара уажәы уи сазхәыцуам. Исҭаху акоуп — Анцәа иажәа анагӡара». Мартин Кинг дызшьыз Джеимс аполициа дааныркылеит: иара ииуз азы иҿы иқәшаҳаҭхеит, игәы иаанагон иҟаз шыҟаз иҳәар ашықәс маҷны иқәырҵап ҳәа, аха аӡбарҭа аҟны ацәгьоуҩы 99 шықәса ҭакрыла ахгара иқәырҵоит. Усҟан Реи аҳәамҭа ҟаиҵеит, аӡәгьы дсымшьит ҳәа, аха аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара амԥсахит. Абас шакәызгьы, Кинг ишьра аус аҟны еилкаам аҭагылазаашьақәа маҷым. Ҿырԥштәыс иаагозар, еилкаам иарбан бџьару аснаипер дызлахысыз, аиашазы Джеимс Реи Мартин Кинг ишьра иалахәхарагьы шьақәыргыламызт. Мартин Кинг иԥшәмаԥҳәыс аӡбарҭа ақәҵара даарагьы илгәамԥхеит, избанзар, лара лгәаанагара ала, ари ацәгьоура ҟазҵаз аӷьычразы иҭакыз ибналаз ацәгьоуҩы иакәмызт, ари политикатә чарҳәаран. Убри аҟынтә, Реи иԥсрагьы Коретта даара лгәы иалсит, уи аӡәк иакәын аиаша здыруаз азы. Мартин Кинг дызшьыз иахьа уажәраанӡагьы имаӡаны иаанхоит. Аполитикатә усзуҩы игәаларшәара аҳаҭыр азы Америка, есышықәса ианар мза ахԥатәи ашәахьа аҽны иазгәарҭоит «Мартин Лиутер Кинг имш». Ари амш азгәаҭара шьақәырӷәӷәан 2000 шықәсазы. Иара убасгьы, Мартин игәаларшәаразы иҭыхын адокументалтә фильмқәа, урҭ аполитик иусура атәы еиҭарҳәоит. Мартин Кинг анышә дамадоуп «Мартин Лиутер Кинг имилаҭтә ҭоурыхтә музеи» ашҭаҟны.https://ivbg.ru/7979374-kak-martin-lyuten-king-izmenil-zhizn-millionov-amerikancev.html Азгәаҭақәа Акатегориа:Ажьырныҳәамза 15 рзы ииз Акатегориа:1929 шықәсазы ииз Акатегориа:Мшаԥымза 4 рзы иԥсыз Акатегориа:1968 шықәсазы иԥсыз
37720
https://ab.wikipedia.org/wiki/Горбачиов,_Михаил_Сергеи-иԥа
Горбачиов, Михаил Сергеи-иԥа
{{Акарточка аполитик}} '''Михаил Сергеи-иԥа Горбачов''' ({{lang-ru|Михаил Сергеевич Горбачёв}}; {{date|2|3|1931}}, Привольное ақ. — {{date|30|8|2022}}, Москва) — ЦК КПСС аҵыхәтәантәи амаӡаныҟәгаҩ хада, насгьы СССР аамҭазтәи апрезидент (диит март мза 2, 1931 шықәсазы, Нхыҵ-Кавказтәи атәылаҿацә, ақыҭа Привольное аҟны). 1990 шықәсазы ианашьан адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа. Џьоукы Горбачиов политик дуны дрыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы уи ашәышықәса аԥсахҩы ҳәа изырҳәоит, избанзар ҳаамҭазтәи Урыстәыла арыцҳарақәа зегьы иара ихьӡ иадырҳәалоит. Иара ихаан ауп, иусура ауп изылҵшәахаз СССР ахыбгалара. Ус акәу, арс акәу, Горбачиов инапхгараҭара аан акыр аиҭакрақәа ҟалеит, адунеи зегьы анырра азҭаз.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/domestic_history/text/3275457 |title=Archive copy |access-date=2024-01-25 |archive-date=2022-09-24 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220924171014/https://bigenc.ru/domestic_history/text/3275457 |url-status=dead }}</ref> == Горбачиов инысмҩа, ихәыҷреи иқәыԥшреи == Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов диит март мза 2, 1931 шықәса рзы Нхыҵ-Кавказтәи атәылаҿацә иаҵанакуа Привольное ақыҭаҿы. Изҳауан иаабац аусуцәа рҭаацәараҿы, дхәыҷаахыс аџьа даршьцыланы дыҟан. Иаб Сергеи Андреи-иԥа доурысын, иан Мариа Пантелеева – украинатәын. Даара аинтерес зҵоу фактуп, иабдуцәа рҩыџьагьы 30- тәи ашықәсақәа рзы арепрессиақәа иахьрыҵаркыз. Иани иаби ирымаз хәҩык ахшара рахьтә иара дреиҳабын.<ref>https://www.gorby.ru/gorbachev/biography/</ref> Аџьынџьтәалатә еибашьра Ду (1941–1945 шш.) аилашымҭаз Горбачиов анемец оккупациа ихигеит Ставрополь. Ари аамҭа ибиографиаҿы даара иуадаҩыз аамҭақәа ируакуп. Жәаха шықәса анихыҵуаз Горбачиов аҵареи аколхоз аҟны аусуреи еилаигӡалар акәхеит. Хара имгакәа Михаил Горбачиов акомбаинер ицхырааҩыс дҟалоит. Уи идҵақәа зегьы даара ибзианы инаигӡон, насгьы аџьа бзиа ибаны иусқәа ҭакԥхықәрала дрызнеиуан. Ас еиԥш аус азыҟазаашьазы ашкол данҭазгьы, Аџьазы Абираҟ ҟаԥшь аорден ианашьан. Ажәабатәи акласс аҟны дантәаз, Михаил Сергеи-иԥа Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа алахәылас аҟаларазы дкандидатхоит.<ref>{{Cite web |url=https://historynotes.ru/gorbachev-mihail-sergeevich/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-25 |archive-date=2024-01-25 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240125185719/https://historynotes.ru/gorbachev-mihail-sergeevich/ |url-status=dead }}</ref> 1950 шықәсазы раӡны медалла ашкол даналга, Михаил Горбачиов Москватәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет дҭалоит. Иаарласынгьы Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа далахәылахоит. Адиплом ҟаԥшь ала иҵара даналга Ставропольтәи ВЛКСМ агорком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ ааникылоит.<ref>https://biographe.ru/politiki/mihail-gorbachev/</ref> == Горбачиов иполитика == Горбачиов ԥынгыла имамкәан ирласны амаҵзуратә ҭыԥқәа ааникыло далагеит. 1962 шықәсазы ставропольтәи аҵакырадгьыл- ҭыжьратә ақыҭанхамҩатә усбарҭа парторгс дыҟан. Идҵақәа шеиуеиԥшымызгьы, апартиа иднаҵоз зегьы бзианы инаигӡон. Иазгәаҭатәуп усҟантәи аамҭазы СССР ахадас дшыҟаз Никита Хрушьиов. Михаил Горбачиов даара ақыҭанхамҩа ахырхарҭаҟны аҟазара злоу, зус здыруа специалистны, еиҿкааҩ бзианы ихы ааирԥшит. Убри анаҩсгьы дкоммунист иашан, хамеигӡарыла апартиа аидеологиа мҩаԥигон. 1967 шықәсазы Горбачиов далгоит Ставропольтәи ақыҭанхамҩатә институт, агроном-аекономист изанааҭ ала. 1974 шықәсазы Горбачиов СССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь днаргоит, уа аҿар рызҵаарақәа рзы акомиссиа ахадас дҟалоит. Шықәсқәак рнаҩс иара аҳҭнықалақь ахь диаргоит, Ацентртә Комитет амаӡаныҟәгаҩыс аусура далагоит. Ари даара акрызҵазкуа хҭысуп Михаил Горбачиов инысмҩа зегьы аҟны.<ref>https://www.gorby.ru/gorbachev/memoirs/</ref> Иара убасгьы, аинтерес зҵоу фактуп, уахь ицара Иури Андропов иабжьгарала иахьыҟалаз, уи даара ахә ҳаракны ишьон аполитик қәыԥш иусуратәи иморалтәи ҟазшьақәа. 1980 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов ЦК КПСС Аполитбиуро аилазаараҿы дҟалоит. Уаҟа аџьармыкьатә економикеи аҳәынҭқарратә аппарати ареформақәа рзура аус инапы алеикуеит. 1984 шықәсазы, еилатәарак аҟны иқәгылараҿы ажәахә аҟаҵара илшеит, уи аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкын. Михаил Горбачиов ихәыцрақәа ара даара аинтерес аиуит аус ицызуази асовет тәылауааи рыбжьара.<ref>https://promdevelop.ru/business/biografiya-gorbacheva-mihaila-sergeevicha-politika-pravleniya-sssr-zhizn-posle-perestrojki/</ref> == Адәныҟатәи аполитика == Горбачиов инысмҩа ҭызҵаауа ирдыруазар ауп, уи еснагь мраҭашәаратәи атәылақәа аус рыцура дшашьҭаз. 1984 шықәса анҵәамҭазы Маргарет Тетчер иҟалҵаз ааԥхьарала Михаил Горбачиов-апрезидент Лондон даҭааит. Еиду Америкатәи Аштатқәеи Асовет Еидгылеи реизыҟазаашьақәа аиӷьтәразы аӡбамҭа идикылоит арратә ныхтәқәа реиҵатәразы. Горбачиов инапхгараҭара аан Варшаватәи Аиқәышаҳаҭра хырбгалан, Афганисҭанынтәи асовет архәҭақәа алган. Иара убасгьы, Берлинтәи аҭӡы рбган. Абарҭқәа зегьы аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагара ала, СССР «ихьшәашәаз аибашьра» аҟны иаҵанархеит, ахыбгаларагьы иацхрааит.<ref>https://resh.edu.ru/subject/lesson/6368/conspect/293505/{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=February 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> == Аҩныҵҟатәи аполитика == Маи мза 17, 1985 шықәсазы Горбачиов иабжьгарала ихацыркын арыжәтәџьбара аҭира азин амҭара акомпаниа. Аспирт злаз арыжәтәџьбара ахә 45% рҟынӡа иазҳаит. Арыжәтәџьбара аҭыжьра иагырхан, аӡахәаҭрақәа рыхшьаара иалагеит. Ауаа рхала аҩны ауатка аршра иахьалагаз иахҟьаны адәқьанқәа рҟны ашьақаргьы ыӡуа иалагеит. 1985 шықәса, декабр мзазы Е. Лигачиов иабжьгарала, Москватәи агорком комсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан Борис Ельцин. Маи мза 1, 1986 шықәсазы, Чернобльтәи атрагедиа ашьҭахь, Горбачиов идҵа ала, Мински Киеви имҩаԥган маи актәи ақәгыларақәа. Ноиабр мза 19, 1986 шықәсазы Михаил Горбачиов «Хаҭалатәи аџьатә усура» азакәан аԥҵаразы абжьгаҩыс дҟалеит. Иара убри ашықәс азы акооперативқәа цәырҵит, авалиутатә операциақәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа зегьы ахыхын. 1987 шықәсазы Аиҭашьақәыргылара рылаҳәан.<ref>http://rushist.com/index.php/russia/3885-vnutrennyaya-politika-gorbacheva-tablitsa</ref> Амилаҭтә конфликтқәа раанкылара хықәкыс иҟаҵаны, Горбачиов амчратә усқәа идикылон. 1988 шықәсазы ақырҭуа демонстрациеи алма - ататәи аҿар рмитинги реимырпразы, зеиԥш ҟамлацыз ауснамгӡатәқәа рыдыркылеит. Иара убри ашықәсазы, Ашьха Ҟарабахтәи ареспублика аҿы шықәсырацәалатәи аконфликт ахы ыҵнахит. Апрезидент активла Литва, Латвиа, Естониа асепаратистә гәазыҳәарақәа дырҿагылон. Михаил Горбачиов инапхгараҭара аамҭа даара иҽеимыз ахҭысқәа рыла ирхәашьын. Афатә акәзар, адәқьанқәа рҿы ибжьаӡуа иалагеит, ирацәан афатәқәа акарточкақәа рыла ирҭиуаз. Агиперинфлиациа ҟалеит. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿаԥхьа Горбачиов ихаантәи адәныҟатәи ауал, аԥхьа 31, 3 ыҟазҭгьы, анаҩс 70, 3 миллиард рҟынӡа еизҳаит.<ref>https://magictemple.ru/vnutrennjaja-politika-gorbacheva/</ref> == Горбачиов инапхгараҭара аамҭа == Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов 1985 шықәсазы идгылаҩцәеи итәылауааи рыбжьара авторитет зырҳаз, ЦК КПСС амаӡаныҟәгаҩ хадас далхын. Абри ашьҭахь иалагеит СССР мҽхакыҭбаала адемократизациа, аиҭашьақәыргыларақәа ҳәа изышьҭоу. Аҳәынҭқарра ду иахагылаз Горбачиов ареформақәа рыла ашьақәхара аҟынтәи иалиго далагеит. Аха уи азын иӡбаз планк имамызт аҟынтә, арҭ ареформақәа зегьы СССР ахыбгаларахь инанагеит. == Горбачиов иреформақәа == Горбачиов имҩаԥигоз ареформақәа рахьтә зегь реиҳа аларҵәара зауз реформақәоуп: * Аибашьра хьшәашәа ахыркәшара; * арыжәтәџьбара аҭира аанкылара азакәан; * аԥара аԥсахра * Афганисҭанынтәи архәҭақәа ралгара; * Араргамара; * ажәа ахақәиҭра уҳәа реиԥш иҟаз.<ref>https://www.gorby.ru/gorbachev/zhizn_i_reformy1/page_16/</ref> == Горбачиов апрезидент == Горбачиов зегь реиҳа гха ӷәӷәаны иҟаиҵаз иреиуоуп аекономикатә реформақәа рынагӡаразы иалкаау схемак ахьимамыз. Аҳәынҭқарра акризис ӷәӷәа иҭагылеит уи ауааԥсыра рыԥсҭазаара даара иланарҟәит. Ахақәиҭра агьама зкыз Прибалтикатәи атәылақәа СССР алҵразы аусмҩаԥгатәқәа хацдыркит. 1990 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа раԥхьатәихеит, дагьҵыхәтәантәихеит Асовет Еидгыла апрезидент ҳәа ззырҳәо иҟалаз. Аха, ари аҭыԥ Горбачиов акраамҭа иааникыларатә аҭагылазаашьа имоуит. Ақалақьқәа рҟны ақәгыларақәа мҩаԥысуа иалагеит, атәыла зегьы аҟны иҟаз акризис зда ԥсыхәа ыҟам афатә аалыҵқәа разымхарахь икылнагеит. Горбачиов ихаан ишьақәгылаз адәныҟатәи ауал иаанагоз аҳәынҭқарра ду ахыбгалара ауп.<ref>https://www.gazeta.ru/politics/2020/03/13_a_13003645.shtml</ref> 1991 шықәса рзы Михаил Горбачиов идгылаҩцәа алаҳәара ҟарҵеит ГКЧП (аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә комитет) шеиҿкаахо азы, насгьы дҵаны иқәдыргылеит апрезидент ԥхьатәара дцарц. Аха, Горбачиов уи адҵа анагӡара мап ацәикит, абри иахҟьеит СССР имҩаԥгаз аҳәынҭқарратә хҳәара, августтәи апутч ҳәа еицырдыруа. Иаарласны иаԥҵаз аоппозициа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә комитет (ГКЧП) иалалеит РСФСР аполитикатә напхгаҩцәа, урҭ рыбжьара дыҟан Борис Ельцин. 1991 шықәса, декабр мзазы Асовет Еидгылақәа ареспубликақәа 11 рнапы аҵарҩит Беловежтәи аиқәышаҳаҭра СССР аҟазаара шаанкылоу ала, уи ахаҭыԥан ишаԥҵахо СНГ (Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара). Абри ашьҭахь иаарласны Горбачиов ԥхьатәара дцеит. Иахьатәи аамҭаз ауаа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымоуп Михаил Горбачиов иганахь ала. Аӡәырҩы ианарыжьуам СССР ахырбгара. Аха аполитик ихаҭа ас еиԥш акритика ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иԥхьаӡоит.<ref>https://www.bbc.com/russian/russia/2015/03/150311_gorbachev_presidency</ref> Аинтерс аҵоуп Горбачиов иҿцәажәарақәа раан даара ибзианы Владимир Путин дахьихцәажәо, иара убасгьы уи дадгылоит Урыстәыла Ахада ипозициа Ҟрым аганахь ала, насгьы мрагыларатәи Украина аҭыԥ змоу аконфликти азҵаарақәа рзы. Аха егьа ус иҟазаргьы, Михаил Горбачиов еиликаауеит Украина аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа, акыр иҽеимкәа Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа ианыԥшырц шалшо. Уи игәаанагара ала, ас еиԥш аизыҟазаашьақәа аиадертә еибашьрахьы икылнагар алшоит.<ref>http://myhistorypark.ru/blog/gorbachyev/?city=party</ref> == Ахатәы ԥсҭазаара == Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Раиса Титаренкои иареи еибадырит акәашарҭа адәаҿы. Аӡӷаб лыҩныҵҟатәи аԥшӡареи лыхӡырмгареи даара дыхнахит. Уи иабзоурахеит анаҩстәи дара реизыҟазаашьақәа. Горбачиов Раиса ԥҳәысс дигарц, ачара лзиурц азы ауниверситет аҟны иҵареи аколхоз аҟны аусуреи еидибалон. 1953 шықәсазы Михаили Раисеи реизыҟазаашьақәа АҬАР аҟны ашәҟәы иҭаргалеит. Урҭ дрыхшоит рыԥҳа Ирина. Даара 50 шықәса еицынхон, Раиса лыԥсҭазаара далҵаанӡа, уи лчымазара иахҟьаны 1999 шықәсазы лыдунеи лыԥсахуеит. Горбачиов Раиса лыԥсра даара иуадаҩны ихигеит. Аинтерес зҵоу фактуп, Горбачиов иԥшәмеи иареи реизыҟазаашьақәа рзы иахьа уажәраанӡагьы алегендақәа ахьаԥырҵо, урҭ даара аромантика зҵаз, идеалтәыз ҳәа рзырҳәоит.<ref>https://24smi.org/celebrity/1785-mikhail-gorbachev.html</ref> 2015 шықәсазы акьыԥхь аҟны ицәырҵит Михаил Горбачиов игәабзиара даара ишыуашәшәырахаз атәы зҳәо аинформациа. Иара даара иуадаҩыз ашьақарчымазара аформа имоуп, аполитик лассы-ласс уи иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәоит. Ус шакәугьы, иара инапы злаку ашәҟәыҩра даҟәыҵуам. 2014 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа ари аамҭа инҭагӡаны Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов инапы иҵигеит ашәҟәқәа ԥшьба: * «Наедине с собой»; * «Жизнь после Кремля»; * «Горбачев в жизни»; * «Остаюсь оптимистом». Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов акыр аматериалтә уадаҩрақәа иманы дынхоит москватәи иуадақәа, рҿы мамзаргьы Москваҵаҟатәи иҩны аҟны. 2017 шықәсазы 600 кв. метр зҵазкуа Бавариатәи Альпы иҟоу х-еихагылак змоу иҩны аҭиразы иқәиргылеит.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-mihail-gorbachev.html</ref> == Михаил Горбачиов иахьа == 2016 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов, Москва астудентцәа рацәажәара аан, СССР ахыбгаларазы ахара ихахьы игеит. Иахьа иара анаукатә статиақәеи амемуарқәеи рыҩра иациҵоит, убри аҟынтә гәыҩбара ыҟам иаарласны ишәҟәы ҭыҵып ҳәа. 2015 шықәсазы убас еиԥш ажәабжь рылаҵәеит Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов игәабзиара уашәшәырахеит ҳәа. Аполитик лассы-лассы игәабзира еиҭашәоит. Ус шакәугьы, Михаил Горбачиов активла арҿиаратә ус инапы алакуп, аполитик анаукатә усумҭақәеи амемуарқәеи икьыԥхьуеит. Аиашаз, иеиҭеиҳәаша рацәаны имоуп, ажәларгьы иара иахь рызҵаарақәа маҷым. 2016 шықәсазы, Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов СССР ахыбгалара азы ахара ихахьы ианига, иара Украина алаларазы азин имырхит, аха ас еиԥш азин имхра Горбачиов лаф ҳасабла идикылеит – избанзар, иара ишиҳәо еиԥш, ари атәыла аҭаара зынӡагьы игәы иҭамызт. 2017 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов изаамҭанытәиу ишәҟәы «Саанхоит соптимистны» аӡыргара мҩаԥигоит. Ари автобиграфиатә ԥҵамҭоуп. Уа уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ Хада инысмҩеи, иахьатәи Урыстәыла акритика азуреи еилысуеит, иара убасгьы иазааҭгылоуп аҳәынҭқарра аҟны асоциалтәи аполитикатәи ҭагылазаашьақәа.<ref>https://svpressa.ru/persons/mihail-gorbachev/</ref> == Аинтерес зҵоу афактқәа == Апрезидент Михаил Сергеи- иԥа Горбачиов иԥҳәыс Раиса Максим- иԥҳа Горбачиова «серый кардинал» ҳәа лзырҳәон. Лара лакәын Горбачиов ишәҟәқәа редакторс ирымазгьы. Софи Лорени Билл Клинтони дрыцны Михаил Горбачиов далахәын С. Прокофиев илакә «Петиеи абгеи» абжьы ахаҵара. 35 шықәса анихыҵуаз Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов иԥсҭазаараҿы даара акрызҵазкуа ахҭыс аҭыԥ аиуит – иара апартиа ақалақьтә хеилак дахагылоит. 1991 шықәса август мзазы, Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов идгылаҩцәа, урҭ реилазаараҿы иҟаз аӡәырҩы Асовет еидгыла аминистрцәеи, ГКЧП рыларҳәоит. Убри аан идгылаҩцәа Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов иаарласны, ихала, инапынҵақәа шьҭеиҵарц идырҵоит.<ref>https://istorik.net/457-mihail-gorbachev-interesnye-fakty.html</ref> ==Алитература== * Боффа, Дж. [http://scepsis.ru/library/id_889.html «От СССР к России. История неоконченного кризиса. 1964—1994» Глава VII — «Горбачёв»] Пер. с ит. Хаустовой Л. Я. — М.: Междунар. отношения, 1996. — 320 с. * Брейтвейт Р., Мэтлок Д., Тэлботт С. Горбачёв: Крах советской империи / Пер. с англ. — М.: [[Алгоритм (издательство)|Алгоритм]], 2012. — 400 с. — (Вожди Советского Союза). — 3000 экз., ISBN 978-5-4438-0147-6 * Грачев А. С. ''Горбачёв'', М., [[Вагриус]], 2001, ISBN 5-264-00573-7 * Деркач О. А., Быков В. В. ''Горбачёв. Переписка переживших перестройку'', М., Проза и К, 2009, ISBN 978-5-91631-021-4 * Иванян Э. А. Энциклопедия российско-американских отношений. XVIII—XX века. — Москва: Международные отношения, 2001. — 696 с. — ISBN 5-7133-1045-0. * Илюхин В. И. ''[http://www.e-reading.club/book.php?book=1015520 Обвиняется президент. Прокурорское расследование (Как страну развалили, или почему возникло в отношении М. С. Горбачёва уголовное дело по статье 64 УК РСФСР — Измена Родине)].'' — М., Палея, 1992, 56 с., 100 000 экз.<!---, ISBN 5-86020-305-9--> * Платонов С. В. Горбачёвы: Чета президентов. — М.: [[Эксмо]], Алгоритм, 2012. — 288 с. — (Семейные кланы). — 3000 экз., ISBN 978-5-699-55008-1 * Коктейль Полторанина: Тайны ельцинского закулисья. М.: «Алгоритм», 2013. — 224 с. — («Наследие царя Бориса»). — ISBN 978-5-4438-0357-9 ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:1931 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 2 рзы ииз]] [[Акатегориа:2022 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:нанҳәамза 30 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:Асовет ахадацәа]] [[Акатегориа:Асовет политикцәа]] [[Акатегориа:ЦК КПСС Иреиҳаӡоу Амаӡаныҟәгаҩцәа]] [[Акатегориа:ЦК КПСС аполитбиуро алахәылацәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 8-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 9-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 10-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 11-тәи ааԥхьара адепутатцәа]]
Михаил Сергеи-иԥа Горбачов (; , Привольное ақ. — , Москва) — ЦК КПСС аҵыхәтәантәи амаӡаныҟәгаҩ хада, насгьы СССР аамҭазтәи апрезидент (диит март мза 2, 1931 шықәсазы, Нхыҵ-Кавказтәи атәылаҿацә, ақыҭа Привольное аҟны). 1990 шықәсазы ианашьан адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа. Џьоукы Горбачиов политик дуны дрыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы уи ашәышықәса аԥсахҩы ҳәа изырҳәоит, избанзар ҳаамҭазтәи Урыстәыла арыцҳарақәа зегьы иара ихьӡ иадырҳәалоит. Иара ихаан ауп, иусура ауп изылҵшәахаз СССР ахыбгалара. Ус акәу, арс акәу, Горбачиов инапхгараҭара аан акыр аиҭакрақәа ҟалеит, адунеи зегьы анырра азҭаз. Горбачиов инысмҩа, ихәыҷреи иқәыԥшреи Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов диит март мза 2, 1931 шықәса рзы Нхыҵ-Кавказтәи атәылаҿацә иаҵанакуа Привольное ақыҭаҿы. Изҳауан иаабац аусуцәа рҭаацәараҿы, дхәыҷаахыс аџьа даршьцыланы дыҟан. Иаб Сергеи Андреи-иԥа доурысын, иан Мариа Пантелеева – украинатәын. Даара аинтерес зҵоу фактуп, иабдуцәа рҩыџьагьы 30- тәи ашықәсақәа рзы арепрессиақәа иахьрыҵаркыз. Иани иаби ирымаз хәҩык ахшара рахьтә иара дреиҳабын.https://www.gorby.ru/gorbachev/biography/ Аџьынџьтәалатә еибашьра Ду (1941–1945 шш.) аилашымҭаз Горбачиов анемец оккупациа ихигеит Ставрополь. Ари аамҭа ибиографиаҿы даара иуадаҩыз аамҭақәа ируакуп. Жәаха шықәса анихыҵуаз Горбачиов аҵареи аколхоз аҟны аусуреи еилаигӡалар акәхеит. Хара имгакәа Михаил Горбачиов акомбаинер ицхырааҩыс дҟалоит. Уи идҵақәа зегьы даара ибзианы инаигӡон, насгьы аџьа бзиа ибаны иусқәа ҭакԥхықәрала дрызнеиуан. Ас еиԥш аус азыҟазаашьазы ашкол данҭазгьы, Аџьазы Абираҟ ҟаԥшь аорден ианашьан. Ажәабатәи акласс аҟны дантәаз, Михаил Сергеи-иԥа Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа алахәылас аҟаларазы дкандидатхоит. 1950 шықәсазы раӡны медалла ашкол даналга, Михаил Горбачиов Москватәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет дҭалоит. Иаарласынгьы Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа далахәылахоит. Адиплом ҟаԥшь ала иҵара даналга Ставропольтәи ВЛКСМ агорком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ ааникылоит.https://biographe.ru/politiki/mihail-gorbachev/ Горбачиов иполитика Горбачиов ԥынгыла имамкәан ирласны амаҵзуратә ҭыԥқәа ааникыло далагеит. 1962 шықәсазы ставропольтәи аҵакырадгьыл- ҭыжьратә ақыҭанхамҩатә усбарҭа парторгс дыҟан. Идҵақәа шеиуеиԥшымызгьы, апартиа иднаҵоз зегьы бзианы инаигӡон. Иазгәаҭатәуп усҟантәи аамҭазы СССР ахадас дшыҟаз Никита Хрушьиов. Михаил Горбачиов даара ақыҭанхамҩа ахырхарҭаҟны аҟазара злоу, зус здыруа специалистны, еиҿкааҩ бзианы ихы ааирԥшит. Убри анаҩсгьы дкоммунист иашан, хамеигӡарыла апартиа аидеологиа мҩаԥигон. 1967 шықәсазы Горбачиов далгоит Ставропольтәи ақыҭанхамҩатә институт, агроном-аекономист изанааҭ ала. 1974 шықәсазы Горбачиов СССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь днаргоит, уа аҿар рызҵаарақәа рзы акомиссиа ахадас дҟалоит. Шықәсқәак рнаҩс иара аҳҭнықалақь ахь диаргоит, Ацентртә Комитет амаӡаныҟәгаҩыс аусура далагоит. Ари даара акрызҵазкуа хҭысуп Михаил Горбачиов инысмҩа зегьы аҟны.https://www.gorby.ru/gorbachev/memoirs/ Иара убасгьы, аинтерес зҵоу фактуп, уахь ицара Иури Андропов иабжьгарала иахьыҟалаз, уи даара ахә ҳаракны ишьон аполитик қәыԥш иусуратәи иморалтәи ҟазшьақәа. 1980 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов ЦК КПСС Аполитбиуро аилазаараҿы дҟалоит. Уаҟа аџьармыкьатә економикеи аҳәынҭқарратә аппарати ареформақәа рзура аус инапы алеикуеит. 1984 шықәсазы, еилатәарак аҟны иқәгылараҿы ажәахә аҟаҵара илшеит, уи аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкын. Михаил Горбачиов ихәыцрақәа ара даара аинтерес аиуит аус ицызуази асовет тәылауааи рыбжьара.https://promdevelop.ru/business/biografiya-gorbacheva-mihaila-sergeevicha-politika-pravleniya-sssr-zhizn-posle-perestrojki/ Адәныҟатәи аполитика Горбачиов инысмҩа ҭызҵаауа ирдыруазар ауп, уи еснагь мраҭашәаратәи атәылақәа аус рыцура дшашьҭаз. 1984 шықәса анҵәамҭазы Маргарет Тетчер иҟалҵаз ааԥхьарала Михаил Горбачиов-апрезидент Лондон даҭааит. Еиду Америкатәи Аштатқәеи Асовет Еидгылеи реизыҟазаашьақәа аиӷьтәразы аӡбамҭа идикылоит арратә ныхтәқәа реиҵатәразы. Горбачиов инапхгараҭара аан Варшаватәи Аиқәышаҳаҭра хырбгалан, Афганисҭанынтәи асовет архәҭақәа алган. Иара убасгьы, Берлинтәи аҭӡы рбган. Абарҭқәа зегьы аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагара ала, СССР «ихьшәашәаз аибашьра» аҟны иаҵанархеит, ахыбгаларагьы иацхрааит.https://resh.edu.ru/subject/lesson/6368/conspect/293505/ Аҩныҵҟатәи аполитика Маи мза 17, 1985 шықәсазы Горбачиов иабжьгарала ихацыркын арыжәтәџьбара аҭира азин амҭара акомпаниа. Аспирт злаз арыжәтәџьбара ахә 45% рҟынӡа иазҳаит. Арыжәтәџьбара аҭыжьра иагырхан, аӡахәаҭрақәа рыхшьаара иалагеит. Ауаа рхала аҩны ауатка аршра иахьалагаз иахҟьаны адәқьанқәа рҟны ашьақаргьы ыӡуа иалагеит. 1985 шықәса, декабр мзазы Е. Лигачиов иабжьгарала, Москватәи агорком комсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан Борис Ельцин. Маи мза 1, 1986 шықәсазы, Чернобльтәи атрагедиа ашьҭахь, Горбачиов идҵа ала, Мински Киеви имҩаԥган маи актәи ақәгыларақәа. Ноиабр мза 19, 1986 шықәсазы Михаил Горбачиов «Хаҭалатәи аџьатә усура» азакәан аԥҵаразы абжьгаҩыс дҟалеит. Иара убри ашықәс азы акооперативқәа цәырҵит, авалиутатә операциақәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа зегьы ахыхын. 1987 шықәсазы Аиҭашьақәыргылара рылаҳәан.http://rushist.com/index.php/russia/3885-vnutrennyaya-politika-gorbacheva-tablitsa Амилаҭтә конфликтқәа раанкылара хықәкыс иҟаҵаны, Горбачиов амчратә усқәа идикылон. 1988 шықәсазы ақырҭуа демонстрациеи алма - ататәи аҿар рмитинги реимырпразы, зеиԥш ҟамлацыз ауснамгӡатәқәа рыдыркылеит. Иара убри ашықәсазы, Ашьха Ҟарабахтәи ареспублика аҿы шықәсырацәалатәи аконфликт ахы ыҵнахит. Апрезидент активла Литва, Латвиа, Естониа асепаратистә гәазыҳәарақәа дырҿагылон. Михаил Горбачиов инапхгараҭара аамҭа даара иҽеимыз ахҭысқәа рыла ирхәашьын. Афатә акәзар, адәқьанқәа рҿы ибжьаӡуа иалагеит, ирацәан афатәқәа акарточкақәа рыла ирҭиуаз. Агиперинфлиациа ҟалеит. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿаԥхьа Горбачиов ихаантәи адәныҟатәи ауал, аԥхьа 31, 3 ыҟазҭгьы, анаҩс 70, 3 миллиард рҟынӡа еизҳаит.https://magictemple.ru/vnutrennjaja-politika-gorbacheva/ Горбачиов инапхгараҭара аамҭа Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов 1985 шықәсазы идгылаҩцәеи итәылауааи рыбжьара авторитет зырҳаз, ЦК КПСС амаӡаныҟәгаҩ хадас далхын. Абри ашьҭахь иалагеит СССР мҽхакыҭбаала адемократизациа, аиҭашьақәыргыларақәа ҳәа изышьҭоу. Аҳәынҭқарра ду иахагылаз Горбачиов ареформақәа рыла ашьақәхара аҟынтәи иалиго далагеит. Аха уи азын иӡбаз планк имамызт аҟынтә, арҭ ареформақәа зегьы СССР ахыбгаларахь инанагеит. Горбачиов иреформақәа Горбачиов имҩаԥигоз ареформақәа рахьтә зегь реиҳа аларҵәара зауз реформақәоуп: Аибашьра хьшәашәа ахыркәшара; арыжәтәџьбара аҭира аанкылара азакәан; аԥара аԥсахра Афганисҭанынтәи архәҭақәа ралгара; Араргамара; ажәа ахақәиҭра уҳәа реиԥш иҟаз.https://www.gorby.ru/gorbachev/zhizn_i_reformy1/page_16/ Горбачиов апрезидент Горбачиов зегь реиҳа гха ӷәӷәаны иҟаиҵаз иреиуоуп аекономикатә реформақәа рынагӡаразы иалкаау схемак ахьимамыз. Аҳәынҭқарра акризис ӷәӷәа иҭагылеит уи ауааԥсыра рыԥсҭазаара даара иланарҟәит. Ахақәиҭра агьама зкыз Прибалтикатәи атәылақәа СССР алҵразы аусмҩаԥгатәқәа хацдыркит. 1990 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа раԥхьатәихеит, дагьҵыхәтәантәихеит Асовет Еидгыла апрезидент ҳәа ззырҳәо иҟалаз. Аха, ари аҭыԥ Горбачиов акраамҭа иааникыларатә аҭагылазаашьа имоуит. Ақалақьқәа рҟны ақәгыларақәа мҩаԥысуа иалагеит, атәыла зегьы аҟны иҟаз акризис зда ԥсыхәа ыҟам афатә аалыҵқәа разымхарахь икылнагеит. Горбачиов ихаан ишьақәгылаз адәныҟатәи ауал иаанагоз аҳәынҭқарра ду ахыбгалара ауп.https://www.gazeta.ru/politics/2020/03/13_a_13003645.shtml 1991 шықәса рзы Михаил Горбачиов идгылаҩцәа алаҳәара ҟарҵеит ГКЧП (аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә комитет) шеиҿкаахо азы, насгьы дҵаны иқәдыргылеит апрезидент ԥхьатәара дцарц. Аха, Горбачиов уи адҵа анагӡара мап ацәикит, абри иахҟьеит СССР имҩаԥгаз аҳәынҭқарратә хҳәара, августтәи апутч ҳәа еицырдыруа. Иаарласны иаԥҵаз аоппозициа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә комитет (ГКЧП) иалалеит РСФСР аполитикатә напхгаҩцәа, урҭ рыбжьара дыҟан Борис Ельцин. 1991 шықәса, декабр мзазы Асовет Еидгылақәа ареспубликақәа 11 рнапы аҵарҩит Беловежтәи аиқәышаҳаҭра СССР аҟазаара шаанкылоу ала, уи ахаҭыԥан ишаԥҵахо СНГ (Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара). Абри ашьҭахь иаарласны Горбачиов ԥхьатәара дцеит. Иахьатәи аамҭаз ауаа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымоуп Михаил Горбачиов иганахь ала. Аӡәырҩы ианарыжьуам СССР ахырбгара. Аха аполитик ихаҭа ас еиԥш акритика ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иԥхьаӡоит.https://www.bbc.com/russian/russia/2015/03/150311_gorbachev_presidency Аинтерс аҵоуп Горбачиов иҿцәажәарақәа раан даара ибзианы Владимир Путин дахьихцәажәо, иара убасгьы уи дадгылоит Урыстәыла Ахада ипозициа Ҟрым аганахь ала, насгьы мрагыларатәи Украина аҭыԥ змоу аконфликти азҵаарақәа рзы. Аха егьа ус иҟазаргьы, Михаил Горбачиов еиликаауеит Украина аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа, акыр иҽеимкәа Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа ианыԥшырц шалшо. Уи игәаанагара ала, ас еиԥш аизыҟазаашьақәа аиадертә еибашьрахьы икылнагар алшоит.http://myhistorypark.ru/blog/gorbachyev/?city=party Ахатәы ԥсҭазаара Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Раиса Титаренкои иареи еибадырит акәашарҭа адәаҿы. Аӡӷаб лыҩныҵҟатәи аԥшӡареи лыхӡырмгареи даара дыхнахит. Уи иабзоурахеит анаҩстәи дара реизыҟазаашьақәа. Горбачиов Раиса ԥҳәысс дигарц, ачара лзиурц азы ауниверситет аҟны иҵареи аколхоз аҟны аусуреи еидибалон. 1953 шықәсазы Михаили Раисеи реизыҟазаашьақәа АҬАР аҟны ашәҟәы иҭаргалеит. Урҭ дрыхшоит рыԥҳа Ирина. Даара 50 шықәса еицынхон, Раиса лыԥсҭазаара далҵаанӡа, уи лчымазара иахҟьаны 1999 шықәсазы лыдунеи лыԥсахуеит. Горбачиов Раиса лыԥсра даара иуадаҩны ихигеит. Аинтерес зҵоу фактуп, Горбачиов иԥшәмеи иареи реизыҟазаашьақәа рзы иахьа уажәраанӡагьы алегендақәа ахьаԥырҵо, урҭ даара аромантика зҵаз, идеалтәыз ҳәа рзырҳәоит.https://24smi.org/celebrity/1785-mikhail-gorbachev.html 2015 шықәсазы акьыԥхь аҟны ицәырҵит Михаил Горбачиов игәабзиара даара ишыуашәшәырахаз атәы зҳәо аинформациа. Иара даара иуадаҩыз ашьақарчымазара аформа имоуп, аполитик лассы-ласс уи иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәоит. Ус шакәугьы, иара инапы злаку ашәҟәыҩра даҟәыҵуам. 2014 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа ари аамҭа инҭагӡаны Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов инапы иҵигеит ашәҟәқәа ԥшьба: «Наедине с собой»; «Жизнь после Кремля»; «Горбачев в жизни»; «Остаюсь оптимистом». Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов акыр аматериалтә уадаҩрақәа иманы дынхоит москватәи иуадақәа, рҿы мамзаргьы Москваҵаҟатәи иҩны аҟны. 2017 шықәсазы 600 кв. метр зҵазкуа Бавариатәи Альпы иҟоу х-еихагылак змоу иҩны аҭиразы иқәиргылеит.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-mihail-gorbachev.html Михаил Горбачиов иахьа 2016 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов, Москва астудентцәа рацәажәара аан, СССР ахыбгаларазы ахара ихахьы игеит. Иахьа иара анаукатә статиақәеи амемуарқәеи рыҩра иациҵоит, убри аҟынтә гәыҩбара ыҟам иаарласны ишәҟәы ҭыҵып ҳәа. 2015 шықәсазы убас еиԥш ажәабжь рылаҵәеит Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов игәабзиара уашәшәырахеит ҳәа. Аполитик лассы-лассы игәабзира еиҭашәоит. Ус шакәугьы, Михаил Горбачиов активла арҿиаратә ус инапы алакуп, аполитик анаукатә усумҭақәеи амемуарқәеи икьыԥхьуеит. Аиашаз, иеиҭеиҳәаша рацәаны имоуп, ажәларгьы иара иахь рызҵаарақәа маҷым. 2016 шықәсазы, Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов СССР ахыбгалара азы ахара ихахьы ианига, иара Украина алаларазы азин имырхит, аха ас еиԥш азин имхра Горбачиов лаф ҳасабла идикылеит – избанзар, иара ишиҳәо еиԥш, ари атәыла аҭаара зынӡагьы игәы иҭамызт. 2017 шықәсазы Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов изаамҭанытәиу ишәҟәы «Саанхоит соптимистны» аӡыргара мҩаԥигоит. Ари автобиграфиатә ԥҵамҭоуп. Уа уаанӡатәи амаӡаныҟәгаҩ Хада инысмҩеи, иахьатәи Урыстәыла акритика азуреи еилысуеит, иара убасгьы иазааҭгылоуп аҳәынҭқарра аҟны асоциалтәи аполитикатәи ҭагылазаашьақәа.https://svpressa.ru/persons/mihail-gorbachev/ Аинтерес зҵоу афактқәа Апрезидент Михаил Сергеи- иԥа Горбачиов иԥҳәыс Раиса Максим- иԥҳа Горбачиова «серый кардинал» ҳәа лзырҳәон. Лара лакәын Горбачиов ишәҟәқәа редакторс ирымазгьы. Софи Лорени Билл Клинтони дрыцны Михаил Горбачиов далахәын С. Прокофиев илакә «Петиеи абгеи» абжьы ахаҵара. 35 шықәса анихыҵуаз Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов иԥсҭазаараҿы даара акрызҵазкуа ахҭыс аҭыԥ аиуит – иара апартиа ақалақьтә хеилак дахагылоит. 1991 шықәса август мзазы, Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов идгылаҩцәа, урҭ реилазаараҿы иҟаз аӡәырҩы Асовет еидгыла аминистрцәеи, ГКЧП рыларҳәоит. Убри аан идгылаҩцәа Михаил Сергеи-иԥа Горбачиов иаарласны, ихала, инапынҵақәа шьҭеиҵарц идырҵоит.https://istorik.net/457-mihail-gorbachev-interesnye-fakty.html Алитература Боффа, Дж. «От СССР к России. История неоконченного кризиса. 1964—1994» Глава VII — «Горбачёв» Пер. с ит. Хаустовой Л. Я. — М.: Междунар. отношения, 1996. — 320 с. Брейтвейт Р., Мэтлок Д., Тэлботт С. Горбачёв: Крах советской империи / Пер. с англ. — М.: Алгоритм, 2012. — 400 с. — (Вожди Советского Союза). — 3000 экз., ISBN 978-5-4438-0147-6 Грачев А. С. Горбачёв, М., Вагриус, 2001, ISBN 5-264-00573-7 Деркач О. А., Быков В. В. Горбачёв. Переписка переживших перестройку, М., Проза и К, 2009, ISBN 978-5-91631-021-4 Иванян Э. А. Энциклопедия российско-американских отношений. XVIII—XX века. — Москва: Международные отношения, 2001. — 696 с. — ISBN 5-7133-1045-0. Илюхин В. И. Обвиняется президент. Прокурорское расследование (Как страну развалили, или почему возникло в отношении М. С. Горбачёва уголовное дело по статье 64 УК РСФСР — Измена Родине). — М., Палея, 1992, 56 с., 100 000 экз. Платонов С. В. Горбачёвы: Чета президентов. — М.: Эксмо, Алгоритм, 2012. — 288 с. — (Семейные кланы). — 3000 экз., ISBN 978-5-699-55008-1 Коктейль Полторанина: Тайны ельцинского закулисья. М.: «Алгоритм», 2013. — 224 с. — («Наследие царя Бориса»). — ISBN 978-5-4438-0357-9 Азгәаҭақәа Акатегориа:1931 шықәсазы ииз Акатегориа:Хәажәкырамза 2 рзы ииз Акатегориа:2022 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:нанҳәамза 30 рзы иԥсыз Акатегориа:Асовет ахадацәа Акатегориа:Асовет политикцәа Акатегориа:ЦК КПСС Иреиҳаӡоу Амаӡаныҟәгаҩцәа Акатегориа:ЦК КПСС аполитбиуро алахәылацәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 8-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 9-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 10-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:СССР Иреиҳаӡоу Асовет 11-тәи ааԥхьара адепутатцәа
37714
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кармен_(аопера)
Кармен (аопера)
[[Афаил:Prudent-Louis_Leray_-_Poster_for_the_première_of_Georges_Bizet's_Carmen.jpg|мини|1875-тәи апремиера иазкыз аплакат]] '''«Карме́н»''' ({{lang-fr|Carmen}}) — Ԥшь-актк рыла ишьақәгылоу Жорж Бизе иопера раԥхьатәи апремиера мҩаԥысит парижтәи «Опера-Комик» аҿы [[1875]] ш. хәажәкыра 3 рзы. Аопера алибретто рҩит – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Асиужет аԥҵоуп Проспер Мериме иновелла «Кармен» иалхны. Аопераҿы ахҭыс мҩаԥысуеит Испаниа XIX ашәышықәса актәи азбжазы. Аперсонаж хадақәа: ацыган ҭыԥҳа Кармен, асержант Хозе, атореадор Есқамилио, Хозе изҳәаны итәоу аҭыԥҳа Миқаела. Урҭ ирҷыдангьы аопераҿы ицәыргоуп имаҷҩымкәа ихадам аперсонажцәа: афицарцәа, асолдаҭцәа, ацыганцәа, аконтрабанда ныҟәызго ауаа, атареадорцәа, атаверна аԥшәма, иара убас ауаа рацәа. «Опера-Комик» аҿы Жорж Бизе и-«Џьамиле» қәҿиара анамоу ашьҭахь, уи ари аопера аԥҵаразы аҿаҵахьа ирҭеит, аамҭакалагьы алибретто аҩразы иалырхит Жак Оффенбах аус ицызуаз, еицырдыруаз ҩыџьа алибреттистцәа – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Ԥыҭрак ашьҭахь аопера ҿыц атематика рыдигалеит иара Жорж Бизе ихаҭа. Аопера асиужет Мериме иновелла акырӡа иацәыхароуп, хазы иугозар, Миқаела лцәырҵрала, мамзаргьы Кармен лҟазшьа арҟәымшәышәрала. Арепетициақәа анцоз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, акомпозитор изныкымкәа иԥсахит амузыка, иара убас алибреттогьы. Уи зыдҳәалаз, аоркестр мелодиақәак рынагӡара ахьацәыуадаҩхаз анаҩсангьы, асценаҿы агәымбылџьбарақәа дырбара ҭаацәаныла иахәаԥшуа ауаа ргәы ҿнакаауеит ҳәа иԥхьаӡаны, атеатр аиҳабыра шиқәыӷәӷәозгьы, Бизе асиужет аԥсахра ахьиҭахымыз ауп. {| class="wikitable" |'''Акомпозитор''' |Жорж Бизе |- |'''Алибретто зҩыз''' |Анри Мельиак и Людовик Галеви |- |'''Алибретто абызшәа''' |Афранцыз бызшәа |- |'''Асиужет ахыҵхырҭа''' |Проспер Мериме  иновелла «Кармен» |- |'''Ажанр''' |Иреалисттәу аԥсихологиатә музыкатә драма |- |'''Ақәгыларақәа''' |4 |} Хазы ипроблеманы ицәырҵит ароль хада анагӡаҩ лалхрагьы – еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы Кармен лроль анагӡара мап ацәыркуан. Мызқәак ицоз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь далырхит апремиератә спектакль аҿы Кармен лроль назыгӡаз - Селестин Галли-Марие. Арепетициақәа ирылагеит иазԥхьагәаҭаз аҿҳәара шықәсык анахыла ашьҭахь, 1874 шықәса жьҭаарамзазы. Убри азы апремиера амшгьы 1975 шықәса хәажәкыра 3 рышҟа ииаргеит. «Кармен» раԥхьатәи арбара аӡәык-ҩыџьак акритикцәа ишрыдыркылазгьы, илҵшәадахеит. Алибреттист Галеви ишигәалаиршәо ала, актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара абжа аҟынӡеи ахәаԥшҩы гәазыҳәарала идикылеит, аха нас ахәаԥшцәа «хьшәашәахо» иалагеит, аҵыхәтәантәи ақәгылара мҩаԥысит ахәаԥшцәа рзал зегьы еиқәышьшьы ҿымҭӡакәа иштәаз. Жорж Бизе иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы – 1875 ш. лаҵара 3 – ари аопера 33-нтә иддырбахьан, аҵыхәтәантәи аспектакльқәа азал бжеиҳан иҭацәны имҩаԥысуан, аха анаҩс аопера иаҭаауаз рхыԥхьаӡара иазҳауа иалагеит. Иаарласны аспектакль «Опера-Комик» арепертуар иалырхит; уи дырхынҳәит 1883 шықәсазы, акырӡа иԥсахны. Уи азы атеатр адиректор иӷәӷәаны акритика изыруит, аҵыхәтәангьы аоригиналтә сиужет атеатр ашҟа ирхынҳәын. Ашьҭахь «Кармен» ҩ-версиакны иқәдыргылон – иоригиналтәу «ацәажәаратәи», Бизе данԥсы ашьҭахь Ернест Гиро иаԥиҵаз «аречитативтәи». Анаҩс уи аҵыхәтәантәи алаҵәара ӷәӷәаны иаиуит. Уи аамҭазы аспектакль Европа ирацәаны ақалақьқәа рҿы иддырбахьан, Санкт-Петербурггьы уахь иналаҵаны. «Кармен» раԥхьатәи ақәыргыламҭақәа збахьаз Пиотр Чаиковски ишиҩуаз ала, Бизе ирҿиамҭа – «ииашаны, шедевр цқьоуп, даҽакала иуҳәозар, епоха дук амузыкатә ҽазышәарақәа зегьы еиҳа иӷәӷәаны аныԥшра зқәашьхаз, иалкаау акык-ҩбак арҿиамҭақәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу акакәхоит…». Анаҩс «Кармен» адунеи аҿы еицырдыруа иҟалеит, уи аопера нарыгӡон аопера аеҵәақәа аӡәырҩы. Убас, Ниу-Иорк Хозе ипартиа наигӡон Енрико Карузо (1906 инаркны 1919 рҟынӡа). Аопера ақәҿиара ду аиуит Германиа. Уи уаҟа иазыӡырҩуаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Отто фон Бисмарки Фридрих Ницшеи, уимоу аҵыхәтәантәи иажәақәа рыла, Бизе ирҿиамҭа анырра ӷәӷәа инаҭеит. Урыстәылеи Асовет тәылаҿи «Кармен» изныкымкәа иқәдыргылахьан. Ароль хада назыгӡоз еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа ирылыркаауан Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Тамара Синиавскаиа, Ирина Архипова. Ишазгәарҭо ала, ари аопера адунеи зегь аҿы еицырдыруа иҟалеит иаҵоу агармониеи, иидеалтәу аоркестровкеи, музыка бызшәала адраматургиа иақәшәаны, ииашаҵәҟьаны азнагареи рыла. 1890 шықәсқәа инадыркны ари аопера изныкымкәа иҭарҩуан еиуеиԥшым аныҟәгагақәа рҟны. Жорж Бизе и-«Кармен» ашьаҭала иаԥырҵон еиуеиԥшым авариациақәа, урҭ ируакуп Радион Шьчедрин еицырдыруа ибалет «Кармен-сиуита». == Азԥхьаҭоурых == [[Афаил:Prosper_Mérimée's_Portrait.jpg|мини|слева|Афранцыз шәҟәыҩҩы Проспер Мериме, ановелла «Кармен» автор]] 1860-тәи ашықәсқәа рзы Жорж Бизе иҽазишәон асценатә рҿиамҭақәа раԥҵара, уи Римтәи апремиа далауреатын. Усҟан аҳәынҭқарратә ԥарала аус зуаз атеатр хадақәа (Парижтәи аопера, «Опера-Комик») аконсервативтә дунеихәаԥшышьа рыман, аҿар рхы аадырԥшыртә еиԥш алшара рырҭомызт. Жорж Бизе раԥхьаӡа ицәыригаз аоперақәа – «Абырлаш аԥшааҩцәа», «Перттәи аԥшӡа» роуп. Урҭ дырбан''Théâtre Lyrique''<sup>ru</sup> аҿы. Дара асцена ашҟа рцәырҵра алыршахеит акомпозитори аимпресарио Леон Карвалиои реибадырра иабзоураны. Аха усгьы, арҭ аоперақәа аҩбагьы қәҿиара дук рымамызт. Афранцыз-пруссиатә еибашьра ашьҭахь Жорж Бизе арҿиаразы еиҳа илшарақәа ҭбаахеит, актк иҟаз уи иопера «Џьамиле» раԥхьаӡа акәны идырбан «Опера-Комик» аҿы 1872 шықәса лаҵара мзазы. Аспектакль 11-нтә ианыддырба ашьҭахь арепертуар ишалырхызгьы, атеатр Бизе иднаҵеит Анри Мелиаки Лиудовик Галевии ирыҩраны иҟаз алибретто ала, аопера ҿыц аԥҵара. Галеви уаанӡагьы далахәын Бизе иопера «Аҳақьым Миракль» аԥҵара, иара ихаҭагьы Бизе иԥҳәыс Женевиева лаб иашьа иԥа иакәын. Усҟантәи аамҭазы Мелиаки Галевии Жак Оффенбах иопереттақәа рзы иҩуа либреттистцәак раҳасабала еицырдыруан. «Опера-Комик» аҟнытә иоуз анапынҵа игәы шышьҭнахыз мӡакәа, Бизе иҩыза Едмон Галабер иҭабуп ҳәа иеиҳәоит «имҩа аҳәаақәҵараҿы ацхыраара иҟаиҵаз» азыҳәан. Аопера ҿыц атематика ахцәажәара иалахәын Бизе ихаҭа, алибреттистцәа аҩыџьегьы, «Опера-Комик» ахадара. Атеатр ахьӡала ажәалагала ҟаиҵеит Адольф де Лиовен, аха уи мап ацәыркит. Бизе иоуп раԥхьа Проспер Мериме иновелла «Кармен» амотивқәа рыла аопера аԥҵаразы ажәалагала ҟазҵаз. Уи раԥхьаӡа акәны икьыԥхьын ажурнал ''Revue des deux Mondes'' аҿы 1845 шықәсазы. Иҟоуп агәаанагара, ари аԥҵамҭа анырра анаҭеит ҳәа 1852 шықәсазы Мериме афранцыз бызшәахь еиҭеигоз Александр Пушкин ипоема «Ацыганцәа». Иара Жорж Бизе иакәзар, раԥхьаӡа акәны уи ажәабжь аӡбахә иаҳазар ҟалоит 1858-и 1860-и шықәсқәа рыбжьара, Рим даныҟаз. Акомпозитор имшынҵақәа рҿы ишиҩуа ала, урҭ ашықәсқәа рзы уи Мериме иажәабжьқәа дрыԥхьон. == Иалоу ауаа == {| class="wikitable" !'''Апартиа''' !'''Абжьы''' !'''3 марта 1875 ш. азы апремиераҿы анагӡаҩ''' '''Адирижиор: Адольф Делофр''' |- |Кармен, ацыган ҭыԥҳа |Амеццо-сопрано |Селестина Галли-Марие |- |Дон Хозе, драгәынтәи аполк асержант |Атенор |Поль Лери |- |Есқамилио, атореадор |Абаритон |Жак Буи |- |Миқаела, Наваррантәи аԥҳәызба, Хозе изҳәаны итәоу |Асопрано |Маргарита Шапиуи |- |Цунига, драгәынтәи аполк акапитан |Абас |Ежен Диуфриш |- |Моралес, драгәынтәи аполк асержант |Абаритон |Едмон Диувернуа |- |Фраскита, ацыган ԥҳәызба |Асопрано |Алиса Диукасс |- |Мерседес, ацыган ԥҳәызба |Амеццо-сопрано |Есҭер Шевалие |- |Данкаиро, аконтрабандист |Абаритон |Пиер-Арман Потель |- |Ремендадо, аконтрабандист |Атенор |Барно |- |Лилас Пастиаиа, атаверна аԥшәма |''шәаҳәарада'' |М. Натен (''M. Nathan'') |- |Амҩаԥгаҩ |''шәаҳәарада'' |М. Тест (''M. Teste'') |- | colspan="3" |Афицарцәа, асолдаҭцәа, ихылаԥшрадоу аҷкәынцәа, аҭаҭынтә фабрика аусзуҩцәа ҳәсақәа, аҿар, ацыганцәеи ацыган ҳәсақәеи, аконтрабандистцәа, атореадорцәа, апикадорцәа, ауаа рацәа |} == Аҵакы аазыркьаҿны == [[Афаил:Carmen_1875_Act1_lithograph_Lamy_NGO1p736.jpg|мини|Иоригиналтәу аопера актәи ақәгылара, 1875 шықәсазы, алитографиа]] [[Афаил:Carmen_by_A._Golovin_06.jpg|мини|Иоригиналтәу аопера актәи ақәгылара, 1875]] ==== Актәи ақәгылара ==== Севилиа, аҭаҭынтә фабрика азааигәара иаангылеит адрагәынцәа рескадрон. Асолдаҭцәа афабрикаҿы аус зуа, иара усгьы ииасны ицо аҭыԥҳацәа блала еимдо, иреилаҳаны ирыхәаԥшуеит. Адрагәын Хозе иԥшааразы арахь даауеит Миқаела, аха асолдаҭ Моралес илеиҳәоит Хозе даҽа ескадронк аҿы шакәу дахьыҟоу, илеиҳәоит урҭ иаарласны дара рыԥсахразы иаараны ишыҟоу, аамҭа еицаҳхаҳгап ҳәагьы налеиҳәоит. Миқаела уи мап ицәкны, ирласны дцоит (асцена ''«Sur la place, chacun passe»''). Иаарласны аескадронқәа рҽырыԥсахуеит. Дцәырҵуеит Дон Хозе. Уи иԥылоит аҷкәынцәа рхор. Акапитан Цунига асержант Хозе иеиҳәоит аҭаҭынтә фабрика аҿы аус зуа аҭыԥҳацәа дышдыршанхаз атәы, аха Хозе уи иарбанзаалак зҿлымҳарак аиҭом – иара зегь иреиӷьишьо аӡӷаб димоуп - изҳәаны итәоу Миқаела (асцена ''«Avec la garde montante»''). Афабрика аҟнытә иааҩуеит аҵәҵәабжьы, аӡӷабцәагьы аԥсшьара аамҭазы амҩахь ицәырҵуеит. Рызегьы аҭаҭын сигарқәа рҿыҵакуп. Иаразнакала урҭ иаарыкәшоит ахацәа (асцена ''«La cloche a sonné»''). Даацәырҵуеит зегь ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшу аҭыԥҳа – ацыган ҭыԥҳа Кармен. Иубоит уи ахацәа рыршанхара, рыблақәа лыдхаланы ианлыхәаԥшуа дшашьцылахьоу. Урҭ рцәаныррақәа рхыччара лара лгәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит. Кармен иналыгӡоит Хабанера. Зегьы шанханы илыхәаԥшуеит, аха лара илгәаԥхаӡом Хозе заҵәык изаҟаразаалак зҿлымҳарак ахьлыимҭо. Илку ашәҭ ыршәны ишьапы иаҵалыршәуеит. Дырҩегьых иааҩуеит аҵәҵәабжьы, аӡӷабцәагьы ццакны аусура ицоит (асцена ''«L’amour est un oiseau rebelle»).'' Дхынҳәны дааиуеит Миқаела, уи Хозе ақыҭантәи изаалгеит асалам шәҟәи афатәқәеи. Хозе иан лыхьӡала дгәыдылкылоит. Рҩыџьегьы илах-ҿыхӡа, рцәаныррақәа еибырҳәоит. Хозе иан иаалышьҭыз асалам шәҟәы данаԥхьа, дышлықәшаҳаҭу аартны иҳәоит, аррантә даныхынҳәлак Миқаела ԥҳәысс дшиго атәы (асцена ''«Parle-moi de ma mère!»''). Миқаела данцалакь ашьҭахь афабрика аҟнытә абжьқәа ааҩуеит. Иҟалаз уи ауп, Кармени афабрикаҿы аус зуа ԥҳәызбаки акы ааимаркын, Кармен аԥҳәызба лышҟа аҳәызба лҟьазаап! Акапитан Цунига Хозе идиҵоит иааныркылаз Кармен лыхьчара, ихаҭа лҭакразы аордер аагара дцоит (асцена ''«Tra la la…Coupe-moi, brûle-moi»''). Цунига иҟамзаара иалагӡаны Кармен иналыгӡоит Сегидилиа. Уи анагӡара аамҭа иалагӡангьы илылшоит Хозе ихыхра (асцена ''«Seguidilla: Près des remparts de Séville»''). Цунига Кармен лҭакразы аордер иманы данаа, Кармен Хозе длыцхрааны дыбналоит, уи аҵыхәалагьы Хозе ихаҭа абахҭа дҭашәоит (асцена ''«Finale: Voici l’ordre; partez»''). === Ҩымз рышьҭахь === Ҩымз рышьҭахь Липас Пастиа итавернаҿы асасцәа кәашарала ргәы дырҿыхоит Кармен лҩызцәа Фраскитеи, Мерседеси, лареи. Асасцәа дыруаӡәкуп акапитан Цунигагьы (асцена ''«Votre toast, je peux vous le rendre»''). Уи иҳәоит Хозе абахҭаҿы иҿҳәара шихигаз, ичинқәа имхны дышсолдаҭыртәыз. Уажәазы ихы дшақәиҭу, ирласынгьы Кармен лахь даараны дшыҟоу. Ибаҩхатәра абзиабаҩцәа гәыԥҩык ицны атаверна дыҩналоит атореадор Есқамилио (асцена''«Vivat! Vivat le torero!»''). Уи инаигӡоит атореадор икуплетқәа. Кармен лгәыкреи лыԥшӡареи Есқамилио ибла хыркуеит, аха лара уи иҟаиҵо азҿлымҳара зынӡаскгьы хьаас илымам, дылҟәылцоит. [[Афаил:Carmen_-_'I_will_dance_for_my_pleasure',_by_Byam_Shaw.jpg|мини|слева|Асцена «''Je vais danser en votre honneur…»'']] Атаверна абжьааԥнытәи асасцәа рзы ианадыркы ашьҭахь, уаҟа иаанхоит аконтрабандистцәеи ацыган ҳәсақәеи - Данкаирои, Ремендадои, Кармени, Фраскитеи, Мерседеси. Раԥхьатәиқәа рконтрабанда аҭыԥ ақәҵара рҭахуп, Фраскитеи Мерседеси урҭ ирыцхраауеит, аха Кармен мап ацәылкуеит рыцхраара. Уи бзиа илбаз Хозе иаара дазыԥшырц лҭахуп. Аконтрабандистцәа илыдыргалоит Хозе русқәа дрылалырхәырц (асцена ''«Nous avons en tête une affaire»''). Хозе даауеит. Кармен иара изы ҷыдала дкәашоит (асцена ''«Je vais danser en votre honneur … La la la»''), аха иаарласны харантәи игоит хәылбыҽхатәи агәаҭаразы аказарма ашҟа иԥхьо атруба абжьы. Уи, смаҵурахьы сыхнымҳәыр ҟалом ҳәа анлеиҳәа, Кармен иаахжәаны: «Сыбзиабара аҵкыс умаҵура еиҳа еиӷьушьоит, - ҳәа аҽԥныҳәа илҭоит. Иара акыргьы длакҩакуеит, асолдаҭ иуалԥшьеи абзиабареи деимаркуеит. Дуалыуашоит, Севилиа ашҭаҿы ишьапаҿы икалыршәыз ашәҭыц игәыдкыланы илырбо, ашәа иҳәоит (асцена ''«La fleur que tu m’avais jetée»''). Ус иаарласны ихынҳәыз акапитан Цунига Хозе адҵа ииҭоит аказармахь дцарц азы. Хозе адҵа анагӡара мап ацәикуеит, иаҳәаԥсагьы ҭыхны диҿагылоит. Убасҟан дагьдезертирхоит, Кармени аконрабандистцәеи рҿы даанымхар ада ԥсыхәа имамкәа ихы ҭаиргылоит. Данкаирои Ремендадои Цунига иабџьар ихыхны ддәылганы дыргоит, уи џьара ишәарҭоу дыррак ҟаҵаны, рконтрабандатә планқәа дырԥырхагамхарц азы. Аконтрабандистцәа еицҿакны ирҳәоит - ргәамчхара шакәу дара рзы закәанс иҟоу (асцена ''«Finale: Holà! Carmen! Holà!»''). === Ахԥатәи ақәгылара === Ахԥатәи ақәгылара афиналтә сцена (1917) Аамҭа ԥыҭк набжьысхьеит, аҳәаа иацәыхарамкәа, ашьха еиҩхааҿы аконтрабандистцәа еиҭах рус иаҿуп. Хозегьы ара дыҟоуп. Аха Кармен Хозе иахь лцәаныррақәа хьшәашәхахьеит, тәамбашақә диацәажәоит, лқьышә днықәҵаны иан лахь ицара шаамҭоу иалҳәоит; Хозе ихаҭагьы зынӡаск игәы азнеиуам аконтрабандистра. Хозе хылаԥшҩыс дааныжьны, аконтрабандистцәа аҳәаа ашҟа ицеит (асцена ''«Écoute, compagnon, écoute»''). Фраскитеи Мерс'''е'''деси амаца дырԥоит, Кармен урҭ днарыцлоит. Уи идырԥо рмацақәа рҿы лҩызцәа абеиареи абзиабареи рзыԥшуп, лара амацақәа рҿы илбоит лхаҭа лыԥсреи, иара убас Хозе иԥсреи (асцена ''«Mêlons! — Coupons!»''). Аԥшыхәра аҟынтәи ихынҳәны иаауеит аконтрабандистцәа. Урҭ ишырҳәо ала, аҳәааҿы ирацәаҩуп аҳазылхратә солдаҭцәа, урҭ аԥыргатәуп. Ацыган ҭыԥҳацәа ирҳәоит дара асолдаҭцәа ишырцәымшәо, урҭ «рхыхрагьы шрылшо» (асцена ''«Quant au douanier, c’est notre affaire»'') Дышшәаӡыӡогьы, лгәы ԥсахны Хозе иԥшааразы ашьхарахь днеиуеит Миқаела. Илбоит уи Хозе аӡәы диеихсны, иҽшиҵәахуа (асцена ''«C’est les contrabandiers le refuge ordinaire»''). Аха Хозе дзеихсыз изиқәмыршәеит, иаԥхьа даацәырҵит Есқамилио. Уи Хозе иеиҳәоит Кармен дышлышьҭо, иара убас Хозе иусқәа зегь шидыруа. Аиндаҭлаҩцәа неиҿагылоит раҳәызбақәа (рнавахақәа) ҭыхны, аха убри аамҭазы ихынҳәуеит Кармен дызцу аконтрабандистцәа. Кармен Хозеи Есқамилиои еиҟәылхуеит. Атореадор аконтрабандистцәа зегьы Севилиаҟа ацәқәа реисра ашҟа ааԥхьара риҭоит. Хозе ишҟа ихы нарханы: «Абзиабара згәаҵа иҭоу уахь днеиуеит», - ҳәа иҳәоит (сцена ''«Je suis Escamillo, torero de Grenade!»''). Аконтрабандистцәа ртауар рыманы ицарц рҿанынархо, Миқаела дгәарҭоит. Уи Хозе дишьҭаланы дшааз атәы ралҳәоит. Кармен тәамбашақә, Миқаела дышиашоу, Хозе ара ишиҭыԥым атәы иалҳәоит. Аханатә Хозе ацара игәы иҭамызт, уи дықәхьан Кармен «игәаҟра ицеиҩылшартә» ишыҟаиҵо ала, аха Миқаела Хозе иан аԥсхыхра дшаҿыз аниалҳәа, длыцны дцоит. Аха иара убри аамҭазы дықәуеит, Кармен дыԥшааны, реицәажәара шыхиркәшо ала (сцена ''«Finale: Holà holà José!»''). === Аԥшьбатәи ақәгылара === [[Афаил:Carmen_-_'I_yield_me_prisoner._I_have_killed_her',_by_Byam_Shaw.jpg|мини|слева|Аопера афинал: «Сҭашәк! Уи сара дысшьит»]] Севилиа ашҭа, ацәқәа реиндаҭлара азааигәараҿы. Аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Ашҭа уаа рацәала иҭәуп, урҭ ирылоуп Цунига, Кармен, Мерседес. Иаарыкәыршаны лахҿыхроуп; дааиуеит Есқамилио (сцена ''«Les voici! Voici la quadrille!»''). Аныҳәа иалахәу ауаа игәырӷьо-хәмаруа уи иԥылоит. Есқамилиои Кармени бзиа ишеибабо еибырҳәоит. Атореадор арена ашҟа данцәырҵлак, Фраскитеи Мерседеси Кармен лгәы лҽынырҵоит Хозе дышлышьклаԥшуа ала, аха лара уи хьаас имкыкәа, иԥылара дшацәымшәо атәы ралҳәоит (сцена ''«Si tu m’aimes, Carmen»''). Зегь аренахь ацәқәа рыхәаԥшра ицоит, Хозе Кармен дыԥшааны, лымҩа ааникылоит. Уи илгәалаиршәоит уаанӡа заҟа бзиа дылбоз, длыҳәоит ишҟа дхынҳәырц, лаӷырӡышла длашьапкуеит, аҵыхәтәаны, дагьлықәмақаруеит. Аха Кармендахьгылоу қәацарак ҟалҵом, лак-ҩакракгьы лнубаалом – Хозе илиҭахьаз амацәаз тәамбашақә иршәны, дивсны дцарц лҿыналхоит. Аха уи дмышьҭыкәа, ҳәызбала дишьуеит; ажәлар уи аамҭазы аренаҿы даҽа зныкгьы ацә иаиааиз атореадор идныҳәалоит. Ахәаԥшцәа арена аҟнынтә ихынҳәны ианааиуа аамҭазы, Хозе бзиа иибоз аԥҳәыс дшишьыз ала иҿы иқәшаҳаҭхоит. Уи дбаандаҩыртәуеит (асцена ''«C’est toi! — C’est moi!»'') == Аԥҵара аҭоурых == ===Алибретто аҩра=== [[Афаил:P1220920_Carnavalet_Delaunay_Henri_Meilhac_rwk.jpg|мини|Анри Мелиак (Жиуль Ели Делоне ипортреҭ, жьҭ.. 1880)]] Анри Мелиаки Лиудовик Галевии еиԥмырҟьаӡакәа шықәсқәак ари аоперазы алибретто аицыҩра иаҿын, русура еихшаны. Убас, Мелиак амузыка уиаҟара изааигәамызт азы абжьааԥны адиалогқәа иҩуан, Галеви иакәзар, ажәеинраалатә епизодқәа аԥиҵон. Уи аамҭазгьы урҭ аҩыџьагьы рырҿиаратә дует азы итрадициатәны иҟаз акомикатә пиесақәа хаз-хазы аус рыдулара. Бизе зыԥҵара иҽазишәоз адрама урҭ зынӡа акала иреиԥшымызт. Урҭ апиесақәа рыхьӡқәагьы рҟазшьа аадрыԥшуан: «Амаркиза хәыҷы», «Аҭыԥҳа гәызиан», «Аԥҳәысеиба Лулу». Аопера «Кармен» аус адулара ианалагаз арыцхә ииашаҵәҟьаны аӡәгьы издырам. 1873 шықәсазы Бизе иеиԥш, Мелиаки Галевии Париж иҟан, аибабара рылшон. Алибретто аԥҵан адиалогқәа рыла асценақәа еихшаны иахьыҟаҵоу ацәажәаратә опера (фр.бызшәала ''opéra comique''), атрадициақәа ирышьашәаланы. Алибретто асиужет аспектқәак рҿы Проспер Мериме иновелла еиԥшымхо иалагеит. Убас, аоригинал аҿы ахҭысқәа аамҭа еиҳа ирацәаны ирыбжьысуеит, ажәабжь ахаҭа акәзар, ашьра зықәҵаны абахҭа иҭаку Хозе иҿала еиҭаҳәоуп. Иара убасгьы Мериме ишәҟәы аҿы Миқаела зынӡа дыҟаӡам, атореадор Ескамилио ицынхәрас ажәабжь аҿы дыҟоуп апикадор Лукас. Уи Кармен дхыихуеит аҟароуп шәымҭақәак, аха лара лахь бзиабарак иманы дыҟаӡам. Ажәабжь аҿы Кармен Гарсиа зыхьӡыз ахаҵа длыман, уи Хозе дишьит ианеисуаз. Амузыкаҭҵааҩы Мина Киортисс ишазгәалҭо ала, ановелла иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, Кармен лхаҿсахьа акырӡа ирыԥсахит, уи алибретто аҿы лҟазшьа еиҳа иҵауланы, еилыкка иҟамҵакәа, ажәабжь аҿы ишыҟаз иаанрыжьызҭгьы, агәарагара амаӡамкәа, «зынӡаск иҿаасҭаны» иҟалон. Еилкаауп, раԥхьатәи арепетициақәа 1873 шықәса жьҭааразы ишазԥхьагәаҭаз. Бизе амузыка аҩра далагеит 1873 шықәса жьырныҳәа мза шыҟаз, актәи ақәгылара аус адулара хиркәшеит иара уи ашықәс аԥхынразы. Иҟалап уи аамҭазы аҩбатәи ақәгылара аиқәаҵәақәа азирхиахьазар. Убасҟан еиԥҟьарак ҟалеит, аамҭала аопера аус адулара аанкылан. Рыӡбахә ҳәан акымкәа-ҩбамкәа амзызқәа, урҭ ируакны иҟан ароль хада назыгӡо лыԥшаара ахьыуадаҩхаз, иара убас мзызс иаиуит аопера ақәыргылара иаԥсоу иаԥсаму ҳәа Камиль диу Локльи Адольф де Лиовени рыбжьара ицәырҵыз аҳәоуеиқәымшәарагьы. Де Лиовен дақәшаҳаҭмызт асиужет ас еиԥш ишыҟоу аопера ақәыргылара. Уи ишиԥхьаӡоз ала, уи асиужет ахәаԥшцәа ацәнаршәар ҟалон, избанзар ртеатр - ҭаацәаратә театруп. Усҟан Галеви агәра диргеит асиужет уиаҟара имҽыӷымкәа, адраматәра еиҳа еиҵатәны, афырԥҳәызба хада лҟазшьа еиҳа ирҟәымшәышәны ишыҟарҵо ала, асиужет дшаларгало «зегь рыла ицқьоу, амаркыц ҭыԥҳа қәыԥш» Миқаела. Ацыганцәа ракәзар, акомикатә ҟазшьа змоу персонажцәаны ишаадырԥшуа, аҵыхәтәаны Кармен лыԥсрагьы «триумф ҳасабла ауаа рацәа рныҟәарақәеи, абалети, илах-ҿыху абыкь асреи, аныҳәатә шыкьыбжьқәеи ацҵан ишыӡбахо. Адольф де Лиовенуи мап ацәкра дшаҟәыҵызгьы, 1874 шықәса алагамҭазы «Опера-Комик» аҟынтәи дықәҵит. [[Афаил:Ludovic_Halévy_by_Eugène_Pirou.jpg|мини|слева|Лиудовик Галеви ( Ежен Пиру ифотографиа)]] Жорж Бизе аопера аус адулара иациҵеит 1874 шықәса рзы. Аԥхынразы, уи Париж амҵан Буживале даныҟаз, 1200 даҟьа амузыка аиқәаҵәа ҳасабла иҩны далгеит. Апартитура оркестровка азыҟаҵара даҽа ҩымз иаҿын. Бизе ихаҭа уи алҵшәа даара игәаԥханы, иҩыза иахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы абас иҳәоит: «Сара иаԥысҵеит зегьы еилыкка, аԥсы ҭаны иахьыҟоу, ԥшшәы рацәалеи мелодиалеи иҭәу арҿиамҭа»! Арепетициақәа раан Жорж Бизе изныкымкәа амелодиа аԥсахра иқәшәон. Зны аоркестр анагӡаразы изалыршахом ҳәа иҟанаҵоз аҳәарала, даҽа зынгьы шәаҳәаҩцәак раҳәарала, амузыка аԥсахра иқәшәон иара убас атеатр анапхгара рыдҵалагьы. Аопера ақәыргылара ианаҿыз аамҭазы атеатр аҿы иҟаз аҭагылазаашьа даарак иманшәаламызт акомпозитор изы. Венсан д’Енди игәалашәарала, «Опера-Комик» ахадареи аперсонали Бизе «қәҿиара зқәашьым композиторны» дрыԥхьаӡон, «адиректор инаиркны аконсиерж иҟынӡа» «рыбӷа иеиадырхон». Аопера амузыкатә драматургиаҿы акрызҵазкуа аҭыԥ аанныркылараны иҟан зшыкьбжьы цәгьоу, есааира инеи-ааиуа, хаҿырацәала еилаԥсоу ауаа. Аха акомпозитор иихәыцыз ари асценатә еффект, «акомикатә опера» атрадициақәа иахьрышьашәаламыз иахҟьаны, ирыдрымкылеит, амузыкарҳәаҩцәеи актиорцәеи рганахьалагьы аҿагылара аиуит. Лассы-лассы арепетициақәа ирҭаауаз д”Енди ишиҩуаз ала, ибзиахәыз, аха иҵакыдаз атеатр атрадициақәа ирыдгылоз диу Локль изгәаҭомызт иҿыцыз, аинтерес зҵаз акомпозитор иазгәаҭарақәа ( иаҳҳәап, актәи ақәгылараҿы ахор асценахь иаразнак акәымкәа, хәҭа-хәҭала рцәырҵра). 1875 шықәса хәажәкыра 16 рзы, апремиера ашьҭахь 13 мшы анҵы ашьҭахь Галеви иҩуан аопера арепетициақәа анымҩаԥысуаз, даара еиуеиԥшымыз ацәаныррақәа дшеимаркуаз атәы. Азныказы артистцәеи иареи амузыка «иҭынчымкәа, еилахәазшәа» рбон. Аха есааира ақәыргыламҭа алахәцәа еиҳа-еиҳа еилыркаауа иалагеит «даара азҿлымҳара змоу, иҷыдоу апартитура» ахьынӡабеиоу иоригиналтәу аидеиақәа рыла. Аҵыхәтәантәи арепетициақәа ракәзар, «зынӡа иссирын»: «Ахәаԥшцәа раҳасабала иҟаз еснагьтәи аҭааҩцәа ракәын, урҭ зегьы хымз-ԥшьымз рҟынӡа иааиԥмырҟьаӡакәа ари амузыка аҩнуҵҟа иахьынхоз азы уи аԥшӡарақәа зегьы рныруан. Ҳарҭ зегьы инагӡаны агәра ганы ҳаҟан раԥхьатәи ақәгылара хәылԥазы шыссирхоз. Аха иааг!...» 1875 шықәса хәажәкыра мзазы Бизе икьыԥхьит авокалтә партитура. Аҭыжьымҭа ''Choudens'' иаанахәаз жьырныҳәамзатәи аверсиа иадкыланы уахәаԥшуазар, уи аҿы иубартә иҟан акрызҵазкуа аԥсахрақәа. Иара убас аԥсахрақәа ҟаҵан апремиера аан ицәыргаз адирижиортә версиаҿгьы, абасала, аҵыхәтәантәи авариант ыҟаӡам. Уи иахҟьаны Бизе игәҭакыҵәҟьа зеиԥшраз аганахьала, амузыкаҭҵааҩцәа рыбжьара аимак-аиҿакқәа иахьа уажәраанӡагьы ицәырҵуеит. Ишдыру еиԥш, Бизе убасгьы иԥсахит алибретто, уи ихатә жәеинраалақәа ациҵеит, насгьы репликақәак реишьҭагылашьагьы иԥсахит, избанзар Галевигьы, Мелиакгьы Мериме иновелла аҵакы рзеилымкааит азы аоригинал акырӡа ирыԥсахит ҳәа иԥхьаӡон. Уи Кармен илҳәо Хабанера атекст иԥсахит, насгьы иԥсахит ахԥатәи ақәгылараҿы амаца ахьдырԥо асценаҿы ароль хада ихәмаруа лажәақәагьы (асцена ''«Mêlons! — Coupons!»''). Иара убас актәи ақәгылараҿы Сегидилиа алагамҭа даҽазнык иҩит. .Акомпозитор ари аопера апартитура изикит адирижиор Жиуль Падл, абас еиԥш иҟаз ажәақәа анҵаны: «Схәыҷқәа рыԥшьҩыкгьы рыхәԥҳа узы».Иҟалаз уи ауп, Падл Бизе исимфониатә рҿиамҭақәа ԥшьба: Скерцо, асимфониа «Рим», асиута «Арлезианка», иара убас аувертиура «Аԥсадгьыл» раԥхьаӡатәи рынагӡаҩ иакәын. === Аперсонажцәа рҟазшьадырга === Аопераҿы аперсонажцәа реиҳараҩык (хаҭала, асолдаҭцәа, аконтрабандистцәа, Миқаела, Ескамилио уҳәа) итрадициатәу ацәажәаратә опера азыҳәан итиптәқәоуп. Хозеи Кармени зынӡаск даҽаӡәқәоуп. Урҭ ижьышуа ақәылаҩи принцип змам агьангьаш ԥҳәыси рҟнытә рхаҿсахьақәа еиҳа иртатаны, Џьакомо Пуччини иҟазшьарбагоу аверизм астиль ала ишыӡбогьы, уи ажанр аҳәаақәа ирҭаӡаӡом. Уинтон Дин ишиԥхьаӡо ала, аопера аперсонаж хадас иҟоу Дон Хозе иоуп: «Ҳара ҳзызҿлымҳау Кармен лразҟы акәӡам, иара иразҟы ауп». Жорж Бизе имузыка инаҵшьны иаҳнарбоит аспектакль мҩаԥысуанаҵы, Хозе зыламыс цқьоу асержант иҟнытә дуаҩшьыҩны дшыҟало. Аопера афырхаҵа хада – персонаж заҵәыкуп, зхаҿсахьа аспектакль аҿы аԥсихологиатә, амузыкатә-драматә ҿиара зауа. Ақәгылараҿы уи ивокалтә партиа иаҵоу аеқспрессиа еиҳа-еиҳа иазҳауеит. «Гроув имузыкатә жәар» аҿы ишазгәаҭоу ала, « адрама афырхаҵа хада иеволиуциаҿы иаарԥшу аҟазара – лабҿаба шаҳаҭра ауеит Бизе иопера ашедеврқәа ишрыҵаркуа ала. Хозе иаамҷыдахаз егьырҭ аперсонажцәа рхаҿсахьақәа ус еиԥш аизҳара рымаӡам, урҭ ауаҩытәыҩса иҟазшьаҿы иҳәаақәҵоу ганк аазырԥшуа хаҿсахьа-символқәаны иҟоуп. Абасала, аопера аперсонажцәа шамахамзар рҽырыԥсахӡом: «Урҭ аиндивидуалтәра рыҭаӡам, идеиақәаны ауп ишцәырго – ахаҵеи аԥҳәыси – урҭ еиуеиԥшым рнырԥшра (Цунига – амчра, Тореадор – ақәҿиара, Хозе – зегь зымҽхазкуа ахатәы цәанырреи ахыбаареи, Кармен – иабсолиуттәу ахақәиҭра агәаҳәара)». Дин игәаанагарала, Кармен лхаҿсахьа «излагәылырҭәаау агәаӷьреи афаталтә хәыцшьеи амузыкаҿы ишашаӡа иахьаарԥшу иабзоураны, иарбанзаалак гьамадарак узаҵбаауам». Даҽа музыкаҭҵааҩык, Мина Киортисс лгәы азҩоит, Бизе имузыкаҿы иаԥиҵаз Кармен лҟазшьа ишаныԥшуа автор иҭаацәаратә ҭагылазаашьа имнахыз, аха ихаҭагьы изымдыруа ҩныҵҟала имоу ахақәиҭратә гәаҳәара». Гарольд Шонберг ишиԥхьаӡо ала, Кармен – Дон Жуан ԥҳәыстә версиоуп. Уи аԥсра еиҳа дақәшаҳаҭхоит, лара лзы акрызҵазкуа лдунеихәаԥшышьа аԥсахра аасҭа. Асоветтә музыкаҭҵаараҿы Кармени Хозеи рконфликт - акласстә позициа аганахьала иахәаԥшуан. Убас, Борис Асафиев иҩуан, аопера ҵакыс иамоу Кармен илымоу акласстәи аетикатәи мчы ҵаулеи Хозе инхаҩратә, ихазхатәратә ԥсихикеи реиҿагылара ауп ҳәа. Уи игәаанагарала, Бизе иаԥиҵеит зыԥсҭазаара ақәҵаны, Хозе имчымхаралатәи иегоизм мап ацәызкуа, ҳаԥхьаҟатәи адунеи иатәу, иҿыцу аԥҳәыс лхаҿсахьа шаша. Асафиев иазгәеиҭон Кармени Шеқспир и-«Отелло» аҟнытә Дездемонеи рхаҿсахьақәа маҷк реизааигәара. Здраматә ҷыдарақәа рыла даҽакы иузадымкыло Кармен лхаҿсахьа анагӡаразы иаҭахуп еиҭаҳәашьа змам абаҩхатәра ду. Уи аҭагылазаашьа лассы-лассы ицәырнагоит Кармен лроль назыгӡо ашәаҳәаҩ лыԥшаара иадҳәало апроблемақәа. Иаҳҳәап, Мариа Каллас, Кармен лпартиа шҭалҩызгьы, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа уи лроль зныкгьы иналмыгӡаӡеит. Хьиу Макдональд ишиԥхьаӡо ала, афранцызтә операҿы ахааназ иҟамызт Кармен леиԥш заџьал ҳәаақәҵоу аԥҳәыс лхаҿсахьа, Франциа анҭыҵ уи илыдукылар ҟалоит Саломеиа - Рихард Штраус иопера аҟнытә, иара убас Лулу - Альбан Берг иопера аҟнытә. Идыруп, Жорж Бизе еснагь тәамбашақә дшазыҟаз атореадор Есқамилио изы ииҩыз амузыка. «Ирҭахыз ауп ироуз», - иҳәон уи аӡбахәала. Дин иажәақәа рыла, «амц ахьыҵәаху амузыкаҿы акәӡам, аҟазшьаҿоуп, Миқаела лпартиақәа рзы иҩу амузыка акәзар, акритикцәа уи ирҿиамҭақәа иреиԥшуп ҳәа ишырыԥхьаӡоугьы, «Шарль Гуно ифырԥҳәызбацәа зегьы раасҭа хараӡа еиҳау амч амоуп». == Ақәыргыламҭақәа рҭоурых == === Анагӡаҩцәа ралхра === [[Афаил:Galli-Marie_Carmen_Photo.png|мини|Селестина Галли-Марие — Кармен лпартиа раԥхьаӡатәи анагӡаҩ]] 1873 шықәса аԥхынразы Кармен лроль назыгӡашаз ашәаҳәаҩ лыԥшаара иалагахьан. Апрессаҿы лассы-лассы лыхьӡ рҳәон Зульма Буффар. Иҟалап уи Кармен лроль анагӡаразы лалхра алиббретистцәа еиҳа еиӷьыршьозар. Буффар Жак Оффенбах ирҿиамҭақәа рҿы ароль хадақәа рацәаны иналыгӡахьан, аха Камиль диу Локль уи Бизе иопера данаалом ҳәа иԥхьаӡеит. Абҵара мзазы ароль хада лыдыргалеит «Опера-Комик», Парижтәи амилаҭтә опера, иара убас Лондон уҳәа лықәгыларақәа рыла еицырдыруаз Мари Розе. Розе иаразнак ароль мап ацәылкит, асиужет ала Кармен асценаҿы дшыԥсуа анылдыр. Уаҟа ианрықәымҿиа, аспектакль авторцәа Селестина Галли-Марие лыҿцәажәара хацдыркит. Аиҿцәажәарақәа мызқәак имҩаԥысуан. Аҵыхәтәаны ашәаҳәаҩи диу Локльи еиқәышаҳаҭхеит. Галли-Марие асиужет арԥшқара аҭахӡам ҳәа Бизе имаз агәаанагара дақәшаҳаҭын. Ишдыру еиԥш, атеатр анапхгара асиужет еиҳа арԥшқаразы автор ишидыргалозгьы. Арепетициақәа анцоз, ишырҳәоз ала, ашәаҳәаҩи Жорж Бизеи рыбжьара ицәырҵит ароман. Ахаҵа ироль хада – Дон Хозе ироль анагӡара идырҵеит «Опера-Комик» аҿы иҩаҵхахаз, ааигәа уаанӡа Лео Делибеи  Жиуль Масснеи рспектакльқәа рҿы иқәгылоз аеҵәа ҿыц Поль Лери. Есқамилио ироль анагӡаразы иҭан Бельгиатәи абаритон қәыԥш Жак Буи. Буи усҟан инаигӡахьан Шарль Гуно иопера «Фауст» аҿы Мефистофель ироль, иара убасгьы далахәын Вольфганг Амадеи Моцарт иопера «Фигаро ичара». Миқаела лроль анагӡаразы иалхыз Маргарита, дышқәыԥшызгьы, Лондонтәи атеатр Друри-Леин аҿы қәҿиарала апартиа хадақәа налыгӡон. Аимпресарио Џьеимс Генри Меиллсон иидыруаз ашәаҳәаҩцәа зегьы рҟнытә зегь реиҳа агәыкра зҵоу ҳәа даликаауан. [[Афаил:Carmen_-_illustration_by_Luc_for_Journal_Amusant_1911.jpg|мини|слева|1875 шықәсазы  ''Journal amusant''<sub>f</sub> аҿы икьыԥхьыз аопера аиллиустрациа]] === Апремиера === Арепетициақәа 1874 шықәса жьҭаара мзазы иахьзаламгаз, убри аҟнытә аханатә иазԥхьагәаҭаз аамҭа акыр инахысны иахьхыркәшахаз иахҟьаны, апремиера аҿҳәара наскьагахеит. Аҵыхәтәантәи арепетициақәа қәҿиарала имҩаԥысит, уи иабзоураны апремиера азгәаҭан 1875 шықәса хәажәкыра 3 рзы. Уи амш аҽны Жорж Бизе ианашьан Ҳаҭыр зқәуалегионтә орден. Апремиера аан дирижиорс дыҟан Адольф Делофр. Раԥхьатәи ақәгылара иаҭааит  Массне, Оффенбах, Делиб, Тома, Лекок, д’Энди , Гуно. Аҵыхәтәантәи иазгәеиҭеит Миқаела лариа азы амузыка Бизе иара иҿы ишиӷьычыз. Зыхьӡ азгәаҭоу акомпозиторцәа ирҷыдангьы, апремиераҿы иҟан еицырдыруа ауаа: адирижиор Жиуль Падлу, ашәҟәыҩҩцәа Альфонси Эрнести Додие, Александр Диума (аԥа), Лиудовик Галеви, аскульптор, аҭауад Паоло Трубецкой. Ахәаԥшцәа дыруаӡәкын Пиотр Чаиковски иҵаҩы, иҩыза  Владимир Шиловски. Уи аопера амузыкатә ҩаӡара убриаҟара агәахәара инаҭеит, иаразнакҵәҟьа аурыс композитор изишьҭит иҿыцны иҭыжьыз «Кармен» аклавир. Алиббретист Галеви иҩыза иахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы еиҭеиҳәоит аопера инаҭаз анырра. Уи иазгәеиҭоит актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара актәи ахәҭеи ахәаԥшцәа иԥханы ишрыдыркылаз атәы. Аха атореадор иариа ашьҭахь азал аҟнытә хьшәашәарак уныруа иалагеит. Ахԥатәи ақәгылараҿы Миқаела лариа заҵәык ауп рнапы ззеинырҟьаз, аҵыхәтәаны азал аҿы зынӡаск иҭынчран. Бизе игәшәы-мшәа зҳәоз аӡәык-ҩыџьак иҩызцәа ракәын. Даниель Галеви (алибреттист иԥа) ишиҩуаз ала, апремиераҿы иҟаз ахәаԥшцәа «рҽеиҩыршеит, амузыка иаргачамкны, асиужет ареалра иаршанханы». Ԥыҭрак ашьҭахь акритик Ернест Ниумен иазгәеиҭон, агәыԥша-хыԥшаара зҟазшьоу ахәаԥшцәа аршанхеит имҩаԥысуаз ахҭысқәа рреалтәра, аперсонажцәа реиҳараҩык рсоциалтә ҭагылазаашьа алаҟәреи рмораль аԥсыҽреи ҳәа. Бенџьамен Годар иажәақәа рыла, Бизе ианидиныҳәала, уи иаахжәаны аҭакс: «Иумбаӡои, арҭ абуржуаа дара рзы изҩыз сусумҭа аҟнытә инареицәоу ажәакгьы шырзеилымкааз?» - ҳәа шиеиҳәаз. Жиуль Массне иакәзар, Бизе идныҳәало, изишьҭыз анҵамҭаҿы иҩуан: «Насыԥ ду шәымазароуп уажәы – ари қәҿиара дууп!» Адырҩаҽны апремиера иазкны апрессаҿы жәа ҟәандак анырымҵеит: агәаанагарақәа зегьы агәкаҳареи ақәыӡбареи рыбжьара акәын иахьыҟаз. Аконсервативтә критикцәа аԥҵамҭа ианыԥшуаз «авагнеризмра» иазашшуан, аха ақәыӡбарақәа зегьы реиҳарак зыдҳәалаз Кармен лхымҩаԥгашьа, уи дыԥхамшьа-хыхҩны дахьаарԥшыз акәын. Критикк Галли-Марие иаалырԥшыз ахаҿсахьа зынӡаскгьы «агра бааԥсқәа зегьы ирдыргоуп» ҳәа дахцәажәеит. Уи лынагӡашьа иазкны газеҭк аҿы абас еиԥш ирыҩуан: «Заҟа ииашоузеи, аха изакәытә ҭыӡшәоузеи!» Егьырҭ ари ақәыргыламҭа усҟантәи аамҭазы зрепертуар традицианы иҟаз, Даниель Обери Франсуа-Адриена Бульадиеи рықәыргыламҭақәа ирҿырԥшны, «Кармен» урҭ зынӡаск иахьреиԥшымыз азы иақәыӡбон. Леон Есқиудие ажурнал ''L’Art Musical''  аҿы абас еиԥш иҩуан: «Игәырҿыӷьгоуп, имамиқәароуп… аахан иҟамло ушазыԥшу улымҳақәа ааԥсоит». Иубон, Бизе ишилымшаз ари аопера Оффенбах ирҿиамҭақәа (урҭ ирыҿдырԥшуан, избанзар алибретто зҩыз рыхьӡқәа уаанӡа уи акомпозитор ихьӡ акәын изыдҳәалаз), мамзаргьы Вагнер идрамақәа (ус иҟаз дреиуан акритик Адольф Жиулиен) иреиԥшхоит ҳәа иазыԥшыз ргәыӷрақәа рынагӡара. Егьырҭ лассы-лассы иуԥылоз ареценциақәа рҿы иаабоит: {| class="wikitable" |''Аповест аҿы Кармен лҭахара иаанаго, иҟалҵахьаз ацәгьаурақәа зегьы рзы ақәнага лаақәыршәароуп. Уи Хозе дымҩахҟьаны ацәгьаура мҩа дықәылҵоит. Уи лыԥсра - лымшала иҭахаз зегьы ршьауроуп; араҟа акәзар (аопераҿы), зынӡа даҽакала иҟоуп, Кармен изаҟаразаалак акы лхараны даарԥшым. Акызаҵәык, аҳәса рахь инамыцхәны згәы зыхо асолдаҭ лхы бзиа иахьилырбаз мацара ауп харас илымоу. Лара хара змамкәа иҭархоу аӡә лакәны даарԥшуп, ацәгьауаҩыҵәҟьа – лара дызшьыз иоуп.'' |''Скромные матери, почтенные отцы семейства! С верой в традицию вы привели ваших дочерей и жен, чтобы доставить им приличное, достойное вечернее развлечение. Что испытали вы при виде этой проститутки, которая из объятия погонщика мулов переходит к драгуну, от драгуна к тореадору, пока кинжал покинутого любовника не прекращает её позорной жизни.'' |} Аҵыхәтәантәи ахҳәаа зеиӷьаҭам ала иунарбоит усҟантәи аамҭазы акритикцәа Бизе ирҿиара заҟа ирзымдыруаз, иагьырзеилымкаауаз. Акомпозитор ибиограф Анна Хохловкина илыҩуан: «Еилкаам араҟа акритикцәа зыӡбахә рымоу. Иҟалап, арецензиа автор «Арлезианкеи» «Кармени» еилаҵаны дрыхцәажәозар, аха уигьы егьигьы издырӡом». Акритикцәа рыбжьара иҟан Бизе иопера иадгылақәазгьы: апоет Ҭеодор де Банвиль гәахәарылеи напеинҟьаралеи идикылеит аопера, иагьазгәеиҭон, «абыржәоуп амарионеткақәа рцынхәрас, асценаҿы иреалтәу аҳәсеи ахацәеи анаҳдырбаз» ҳәа. Уи аҭакс  «аопера иазкны ииҩыз «ухызхуа астатиазы» иҭабуп ҳәа иаҳәо, акомпозитор уи изишьҭыз анҵамҭа абас еиԥш аниҵеит: «Сара агәадура ду снаҭоит иахьсылшаз ас еиԥш иссиру афантазиа агәаҳәара аҭара». Хәажәкыра 10 рзы Камиль Сен-Санс Бизе изишьҭит абас еиԥш зныз анҵамҭа: «Аҵыхәтәан, сара избеит «Кармен». Аиаша шәасҳәоит, иссируп ҳәа исыԥхьаӡоит». Уи аҭакс Бизе иҩуан, «Кометонааи, Лозиерааи уҳәа егьырҭ аҟамлақәеи ицәа анихырхуа аамҭазы, «ламыс цқьа злоу асахьаҭыхҩы инапы аҵаҩны иааишьҭыз» ахҳәаа ҳәаа амамкәа игәы шышьҭнахыз атәы: «Насыԥ змоу, гәадурала иҭәу уаҩны сҟауҵеит, гәыкала усгәыдсыҳәҳәалоит» ! [[Афаил:Manet_Emilie_Ambre_as_Carmen.jpg|мини|Емилиа Амбр Кармен лроль аҿы. Едуард Мане иҭыхымҭа (1880)]] Арҿиамҭа «Опера-Комик» аҿы раԥхьатәи арбара ажиотаж дук цәырнамгаӡеит; «Кармен» ақәыргылареи акырӡа еиҳа ақәҿиара змаз Џьузеппе Верди и-«Реквием» ақәыргалареи аамҭакала еиқәшәеит. Аиҿкааҩцәа хыԥхьаӡара рацәала абилеҭқәа ҳамҭас ахәаԥшцәа ианырзыршозгьы, азалқәа бжеиҳан иҭацәын. 1875 шықәса рашәара мза 3 рзы, ашьжьымҭан Жорж Бизе иаалырҟьан иԥсҭазаара далҵит, игәыхь иахҟьаны. Усҟантәи аамҭазы аопера «Кармен» 33-нтә ахәаԥшцәа иддырбахьан. Уи иԥсҭазаара иалҵра иахҟьаны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәзаргьы, аопера ашҟа ауаажәларратә зҿлымҳара акыр иазҳаит, атеатртә сезон нҵәаанӡа. 1875 шықәса абҵара мзазы аопера арепертуар ашҟа ирхынҳәын, уи аоригиналтә нагӡара ала даҽа 12-нтә идырбан. Абасала, аопера 48-нтә иддырбеит. Дук мырҵыкәа апремиера ашьҭахь иахәаԥшыз Иван Тургенев ари аопера анырра ӷәӷәа инаҭеит. 1875 шықәсазы Бизе иаамҭанымкәа иԥсҭазаара дахьалҵыз игәы иалсны, уи исалам шәҟәқәа руак аҿы иҩуан: «Гуно и-«Фауст» аамышьҭахь Франциа ицәырҵхьо зегьы рҟнытә - ари аопера зегь реиҳа иоригиналтәуп» ҳәа. 1876 шықәса жьырныҳәа 8/20 рзы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи аспектакльқәа рҿы дыҟан Пиотр Чаиковски, иашьа Модест Чаиковски дицны. Ашьҭахь Модест Чаиковски иҩуан: «Шамахамзар исымбацызт сашьа атеатртә қәгылара абасҟак игәы архыҭ-хыҭуа!» ҳәа. Аурыс композитор ари аопера аклавир Шиловски иҟнытә ианиоу инарҵауланы иҭиҵааит. 1880 шықәсазы Надежда фон Мекк лахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы уи дгәырӷьаҵәа абас аопера дахцәажәоит: Бизе иопера - шедевруп. Уи, епоха дук иҟанаҵоз амузыкатә ҽазышәарақәа ӷәӷәаӡаны изныԥшуа, зеиԥшыҟам акык-ҩбак арҿиамҭа лыԥшаахқәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа еицырдыруа операны иҟалоит… П.И.Чаиковски. 1880 шықәсазы Чаиковски иашьа ишҟа иҩуан, аопера ахы инаркны аҵыхәанӡа ишихәмарыз, иара убасгьы « мцабзны сгәаҿы дырҩегьых иҿыцны ицәырҵит ари аопера ссир ашҟа абзиабареи аџьашьареи» ҳәа. Убасҟан уи ихаҿы иит «ари аопера ҳаамҭазы зегь иреиҳау лирикатә-драматә рҿиамҭазар ҟалап» ҳәа ахшыҩҵак зныԥшуаз астатиа аплан. Аха уи астатиа џьаргьы икьыԥхьӡамкәа иаанхеит, автор уи аҩразы иԥышәа азымхар ҳәа дахьшәоз иахҟьаны. Аха иашьа иахь ииҩыз ашәҟәы аҿы аурыс композитор, Бизе «уацәымшәакәа, игениалтәу композиторуп» ҳәа изуҳәар шалшо азгәаҭо, иҩуан: «Bizet  - зшәышықәса агьама абжьысра азгәазҭо, игениу композиторуп ҳәа изуҳәар алшоит, аха уи мцы злам ацәанырреи агәаҳәареи рыла дырԥхоуп». 1883 шықәсазы иҩу исалам шәҟәы аҿы уи игәалаиршәоит уаанӡа Александр Серов и-«Иудифь» ашҟа имаз абзиабара шаԥсахыз «Бизе иопера ашҟа изцәырҵыз алаԥсра аҟынӡа дназго, ацәанырра ду изцәырҵыз, «абар хымшуп уи дааҟәымҵӡакәа ахы инаркны аҵыхәанӡа иаирҳәоижьҭеи». ===Егьырҭ ақалақьқәа рҿы дырбареи ақәыргыламҭа арҿыцреи=== [[Афаил:Ernest_Guiraud.jpg|мини|слева|Акомпозитор Ернест Гиро  иаԥиҵеит аречитативқәа зцу аопера авариант]] Жорж Бизе иԥсра дук бжьамкәа инапы аҵаиҩит «Кармен» Венатәи аҳәынҭқарратә операҿы ақәыргыларазы аконтракт. Акомпозитор иҩыза Ернест Гиро адиалогқәа аречитативқәа рыла иԥсахит. «Кармен» аопера ду аԥшра аиуит, уи аҩбатәи ақәгылара аҿы ицәырҵит Бизе ирҿиамҭа «Арлезианка» амузыка шьаҭас измаз абалеттә сцена. Ас еиԥш иҟаз адаптациа аҟаҵара аан апрозатә диалогқәак ркьаҿтәхеит, уи, асоветтә музыкаҭҵааҩы Иван Соллертински ишазгәаиҭо ала, «уамашәа ихшыҩркны иҩу аоперазы алибретто» аҿы ицәырнагеит џьарак-ҩыџьарак асиужеттә еиқәымшәарақәак. Вена раԥхьатәи арбарақәа раламҭалазы австриауаҩ Франц фон Иаунер аоригиналтә диалогқәеи Гиро иверсиа аҟнытә аречитативқәеи еилаҵаны иаԥиҵеит еилаӡҩоу аверсиа. Ус еиԥш иҟаз ақәыргыламҭақәа анаҩс ашәышықәса зегьы аларҵәара бзиа роуит. Жорж Бизе иопера раԥхьатәи авариант иаҿырԥшны аԥсахрақәа шыҟазгьы, 1875 шықәсазтәи Венатәи ақәыргыламҭа ақәҿиара ду аиуит. Аҭыԥантәи ахәаԥшцәа аопера даара иԥханы иахьрыдыркылаз адагьы, аопера арҽхәаратә хҳәаа аиуит Рихард Ванери Иоҳанесс Брамси рҟнытә. Аамҭак ицаныз иколлегацәа аӡәырҩы ирызкны иҟаиҵоз иҳәамҭа мҽыӷқәа рыла еицырдыруаз Вагнер - афранцыз композитор иусумҭа абас еиԥш дахцәажәеит: «Анцәа иџьшьаны, аҵыхәтәаны дцәырҵит зхы аидеиақәа ҭоу ауаҩы!». Брамс иакәзар, еицырдыруа Вагнер имузыкатә ҿагылаҩы, аопера 20-нтә дахәаԥшхьан. Уи иҳәон: «Адгьыл аҵыхәанӡагьы сцон Бизе игәыдкыларазы» ҳәа. Уи 1882 шықәсазы Фриц Зимрок иахь ишиҩуаз ала, Брамс даара иҭахын аопера апартитура аиура, аамҭала акәымкәа ихатәны: «Даара исҭахын исымазарц, избанзар уи, ииашаны, иссиру рҿиамҭоуп, сара сзы даара акыр иаԥсоуп, азҿлымҳара дугьы амоуп». Венатәи атриумф ала иалагеит аопера адунеитә хьӡы-ԥша ашҟа ахалара. Анаҩс, 1876 шықәса жәабран мзазы иҟан Бриуссельтәи атеатр Ла Монне аҿы аопера дырбара, шықәсык ашьҭахь ари аопера уи атеатр еснагьтәи арепертуар иаларҵеит. Галли-Марие ароль хада налыгӡон. Уи ашьҭахь Лондонтәи Лара Лаҳаракыра атеатр аҿы иалыршан ари аопера ақәыргылара. Уаҟа акыр шықәса Кармен лроль налыгӡон Минни Хаук. Ақәҿиара ду аиуит иара убасгьы Дублинтәи Лара Лаҳаракыра атеатр аҿы инагӡаз аопера италиатәи аверсиа. Даҽа қәыргыламҭак, Британиа Ду аҳҭны қалақь атеатр Ковент-Гарден аҿы иаҟәыхын Аделина Патти ароль мап анацәылк ашьҭахь. 1876 шықәса жьҭаарамза 23 рзы Ниу-Иорктәи Амузыкатә академиаҿы имҩаԥысит аопера апремиера. Анаҩстәи хәышықәса рыҩныҵҟала ари аопера ықәыргылан европатәии америкатәии атеатрқәа рҿы ирацәаны, Урыстәылагьы уахь иналаҵаны. [[1883]] шықәсазы аопера еиҭашьақәдыргылеит «Опера-Комик» арепертуар аҿы. Апартиа хада налыгӡон Адель Изаак. Асиужет иаиуз аԥсахрақәа ирылҵшәаны, аоригиналтә қәыргыламҭаҿы аимак-аиҿак зхылҿиаауаз ашәымҭақәа зегьы амхын. Уи азы акритикцәа Карвалио даара иқәыӡбеит. Урҭ ишырыԥхьаӡоз ала, уи иқәиргылеит «ашедевр апародиа»; аха ус шакәызгьы, ахәаԥшцәа аопера гәахәара дула ирыдыркылеит. Акритикцәа рзеиӷьашьарақәа азгәаҭаны, ашьҭахь Карвалио ипозициа даҽа блакала дахәаԥшит, уи Галли-Марие ароль хада дахьыхәмаруаз 1875 шықәсазтәи ақәыргыламҭа дазыхынҳәит. 1894 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ароль хада налыгӡеит Емма Кальве. === Адунеизегьтәи ақәҿиара === [[Афаил:RIAN_archive_581479_Irina_Arkhipova_as_Carmen_and_Vladislav_Pyavko_as_Jose.jpg|мини|Ирина Архьипова (Кармен) ,  Владислав Пиаявко (Хозе) Большои театр аҿы (1972)]] Урыстәыла раԥхьаӡа акәны аопера «Кармен» дырбан 1878 шықәса жәабран 16 рзы Санкт-Петербург Большой Каменный театр асценаҿы (аспектакль назыгӡоз италиатәи атруппа акәын). Быжьшықәса рышьҭахь, 1885 цәыббра 30 рзы Мариинтәи атеатр аҿы имҩаԥысит раԥхьатәи аспектакль. Москва раԥхьаӡа акәны аопера «Кармен» дырбан 1898 шықәса абҵара 27 рзы Большои театр аҿы; уи ақәыргыламҭа режиссиорс даман Антон Барцал, дирижорс – Ипполит Альтани, Кармен – Елизавета Азиорскаиа. Цунига ипартиа наигӡон акомпозитор Игор Стравински иаб – Фиодор Стравински. 1922 шықәса лаҵара 15 рзы «Большои» асценаҿы ицәырыргеит ақәыргыламҭа ҿыц, уи напхгаҩыс даман адирижиор Виачеслав Сук; 1924 шықәсазы араҟа раԥхьаӡа акәны апартиа хада налыгӡеит Мариа Максакова. Иаарласны Урыстәыла ари аопера зегь реиҳа ирпертуартәны иҟалеит. Убас, 1890-тәи ашықәсқәа рзы аопера қәҿиара дула ицон апровинциатә театрқәа жәпакы рҿы - Казань, Саратов, Киев, Пермь. Иазгәаҭатәуп, 2019 шықәсанӡа иҳаԥхьаӡозар, Бизе иопера Большои театр асценаҿы мацара жәантә иқәыргылан!. Аҵыхәтәантәи апремиера мҩаԥысит 2015 шықәса ԥхынгәы 15 рзы (арежиссиор Алеқсеи Бородин, адирижиор Ҭуӷан Сохьиев, Кармен – Гәында Кулаева). Апартиа хада назыгӡахьоу Урыстәыла еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа рҟнытә иалыркаауеит Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Ҭамара Синиавскаиа, Ирина Архьипова. 1908 шықәсазы Санкт-Петербургтәи Мариинтәи атеатр асценаҿы иқәыргылаз ари аопера адекорациақәа аԥиҵеит ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы Большои театр аҿы инареиӷьу ақәыргыламҭақәа аԥызҵахьаз Алеқсандр Головин; уи ақәыргыламҭа ари атеатр аҿы инареиӷьу аспектакльқәа ируакхеит. Асоветтә аамҭазы адунеитә оператә классика зегьы аҟнытә ари аопера иҷыдоу аҭыԥ ааннакылеит. Еицырдыруа иҟалеит Горки ипарк аҿы москватәи Зеленыи театр аҟны 1935 шықәса, лаҵара 13 рзы иқәдыргылаз акы иаламҩашьоз аспектакль. Уи иалахәын зықьҩык инареиҳаны ауаа, зныкала иахәаԥшуан жәанызықьҩык. Апрессаҿы ирацәаны коллектив ҳасабла ақәҿыҭрақәа аиуит, агазеҭ «Рабочаиа Москва» адаҟьақәа рҿы ианырҵеит иҟазшьадыргоу ахьӡ змаз астатиа – «Аопера «Кармен» арецензиа». Уи рыҩуан 6-нызықьҩык ахәаԥшцәа. Ари аопера даараӡа бзиа ирбеит Германиа, уаҟа аканцлер Отто фон Бисмарк ари аопера 27-нтә дахәаԥшхьан, Фридрих Ницше агәырӷьара ду изнарҵысит дыззыӡырҩыз аопера, уи Бизе имузыка ишьахәӡоу акакәны иԥхьаӡон. Афилософ ишышьақәирыӷәӷәоз ала, иара ихаҭагьы «зегь иреиӷьу уаҩхоит абри Бизе дансацәажәо». Иусумҭа «Вагнер иказус» (1888) аҿы Ницше Рихард Вагнер ирҿиамҭақәа ирҿаиргылоит аопера «Кармен». Уи ишазгәаиҭо ала, Бизе иаԥиҵаз, цәаныррала иҭәу, иԥсабаратәу «Аладатә музыка» иаҿагылоуп ихьшәашәоу, ицәааку, сентиментла иҭәу, ихыҭҳәаау Вагнер «Аҩадатәи имузыка»: «Араҟа ицәажәоит даҽа цәаныррақәак, даҽа лахҿыхрак. Ари амузыка лахҿыхуп: аха афранцызтә, мамзаргьы анемецтә хәмартә лахҿыхрала акәымкәа. Уи алахҿыхра африкантәуп; уи аџьал ақәыӷәӷәоит, анасыԥгьы даараӡа икьаҿуп, иаалырҟьаны, рыцҳашьарак змам акакәны иҟоуп». 1908 шықәсазы Берлин Кармен лроль налыгӡеит Емма Дестинова, 1912 шықәсазы Штутгарттәи аопера асценаҿы ароль хада раԥхьаӡа акәны иналыгӡеит швециатәи ашәаҳәаҩ Сигрид Онегин. «Кармен» ықәыргылан Франциа ақалақьқәа жәпакы рҿы: Марсель, Лион, Диеп. 1881 шықәсазы Галли-Марие ароль хада анагӡаразы Диепҟа дхынҳәит. 1881 шықәса нанҳәа мзазы уи Бизе иԥҳәыс лахь ишылыҩуаз ала, испаниатәи апремиера Барселона уаҩ иимбац ақәҿиара ду аиуит. Опера-Комик анапхгара нызкылаз Леон Карвалио, ари аопера аморалтә ҟазшьа амоуп ҳәа иԥхьаӡаны, арепертуар аҿы аиҭашьақәыргылара мап ацәикуан. Мелиаки Гелиавии ақәыргыламҭа арҿыцра иақәшаҳаҭын, аха Галли-Марие даламырхәыкәа. Уи раԥхьатәи апремиера ахьқәҿиарадахаз азы ахара лара илыдырҵон. Ги де Мопассан иочерк «Сицилиа» (1885) аҿы ишиҩуаз ала, италиатәи адгьылбжьахаҿы сицилиаа «уамашәа иаргәырӷьоит» Бизе иопера, уаҟа шьыжьы инаркны ҵхыбжьонынӡа иуаҳалар алшоит, «амҩадуқәа рҿы амҩасцәа ишырҳәо еицырдыруа «Тореадор» иашәа». [[Афаил:Carmen_at_the_Met1915.jpg|мини|Џьеральдина Фаррар, Енрико Карузо,  Пасқәуале Амато  Ниу-Иорк (1915)]] 1884 шықәса жьырныҳәа 9 рзы Ниу-Иорк Метрополитен-опера асценаҿы имҩаԥысит ари аопера апремиера. Уи апрессаҿы иаиуз ақәҿыҭрақәа еиуеиԥшымызт. ''The New York Times''  аҿы ақәыргыламҭа «агәахәара унаҭоит, иеффекттәуп», ҳәа азырҳәеит, аха апартиа хада назыгӡаз Селиа Треббели, Минни Хаук дылҿурԥшуазар, лыхәмарра уиаҟара иргәамԥхеит. Анаҩс «Кармен» иаарласны Метрополитен-опера еснагьтәи арепертуар иаларҵеит, 1885 шықәсазы ароль хада налыгӡеит Лилли Леман. 1906 шықәса жәабран мзазы Енрико Карузо раԥхьаӡа акәны инаигӡеит Хозе ироль, уи ари апартиа анаҩсгьы, 1919 шықәса рҟынӡа асценаҿы инаигӡон. 1906 шықәса мшаԥымза 17 рзы агастрольқәа раан уи Сан-Франциско аоператә театр аҿы инаигӡон Хозе ипартиа, уи ашьҭахь шырԥазынӡа иара изкны ирыҩуаз арецензиақәа дрыԥхьон, даҽа ҩ-сааҭк рышьҭахь ақалақь аҿы адгьылҵысра ҟалеит, ашәаҳәаҩцәагьы ццакны асасааирҭа нрыжьыр акәхеит. Анаҩс Ниу-Иорктәи асценаҿы апартиа хада нарыгӡон Роза Понсель (1935), Џьорџь Баланчин ихореогарфиа зцыз ақәыргыламҭаҿы, Џьенни Турель (1937), Ризе Стивенс (ароль хада налыгӡон 1946 шықәса инаркны 1961шықәса рҟынӡа). Америка аопера «Кармен» аларҵәара жәашықәсала абиԥарақәа еимдо иааргоит. 2011 шықәсазы Метрополитен-опера асценаҿы ари аопера зқьынтә идырбан. Ари аопера аларҵәара ахьамаз Америка мацара акәмызт, адунеи атәылақәа жәпакы рҿы қәҿиара дула имҩаԥысуан. Актәи ақәгылара аҟнытә Хабанера, иара убас аҩбатәи ақәгылара аҟнытә атореадор икуплетқәа адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу аоператә ариақәаны иҟалеит. Франциа анҭыҵ иалыршаз ақәыргыламҭақәа реиҳарак шьақәыргылан «еилаԥсоу» Франц фон Иаунер иверсиа иқәныҟәаны, урҭ зегьы рбеиан абалеттә сценақәеи антрактқәеи рыла. Иара убри аамҭазы 1919 шықәсазы КАмиль Сен-Санс ишазгәеиҭоз ала, аопера абалет ацҵара гра бааԥсуп ҳәа иԥхьаӡон, иагьџьеишьон усҟан зыԥсы ҭаз Бизе иԥҳәыс урҭ рықәыргылара дахьақәшаҳаҭхоз. [[Афаил:Salzburger_Festspiele_2012_-_Carmen.jpg|мини|слева|Магдалена Кожена (Кармен) , Ионас Кауфман (Хозе) Зальцбург (2012)]] 1883 шықәсазы «Опера-Комик» аҿы аопера «Кармен» ирҿыцны еиҭа ианықәдыргыла ашьҭахь, еснагь ихәмаруан раԥхьатәи адиалогтә вариант аҿы, амузыкатә «рԥшӡагақәа» шамахамзар иаламҵакәа. 1888 шықәсазы Жорж Бизе диижьҭеи 50 шықәсазтәи аиубилеи азы уи иопера ари асценаҿы 330-тәи аспектакль ихәмарит. 1891 шықәсазы уи 500-тәи аспектакль, 1904 шықәсазы – 1000-тәи аспектакль. 1938 шықәсазы ахәаԥшцәа идырбан уи аопера 2271-тәи анагӡара. Габриель Форе 1904 шықәсазы аопера зқьынтә асценаҿы дырбара иазкны ииҩыз истатиаҿы иазгәеиҭон, уи апремиера, ҳәарада, иалшон «Опера-Комик» абжьааԥнытәи ахәаԥшцәа аршанхар, џьашьахәыс ирбар, насгьы ари атеатр атрадициақәа даарак ирышьашәаламкәа ирбар ҳәа. Уи иҩуан: « Аха иахьагьы еилкаашьа змамкәа иҟоу, излаҟалазеи илашоу, ԥшшәы рацәала еилаӡҩоу, ацәанырра иаша узцәырызго, уамашәа игәыкыу Бизе имузыка раԥхьаӡа ианцәырҵ нахыс ахәаԥшцәа ахьыхнамхыз; излаҟалазеи абас еиԥш адраматизм злоу, апатетикеи, акырӡа зымчу ацәанырра ӷәӷәеи аазырԥшуа аопера ахәаԥшцәа ргәы амырхыҭ-хыҭуа?!» Аречитативтә версиа акыр шықәса инорманы, иахәҭоуп ҳәа иҟан. Раԥхьатәи иҿыцу адиалогқәа рверсиақәа рыла иҟаҵоу еицырдыруа ҿырԥшқәаны иҟалеит Лондонтәи Карл Роза иоператә компаниа (1947), иара убас Берлинтәи «Комише опер» (1949). Аха урҭ аҿыцԥшьгарақәа нарха дук рмоуӡеит, уи аганахьала 1953 шықәсазы Ковент-Гарден аҿы иҟаҵаз аҽазышәарақәа азныказы иманшәалахазшәа ишыҟалазгьы. Америкатәи Колорадо аҿы иаԥҵаз ақәыргыламҭагьы разҟыла урҭ иреиԥшхеит. Уинтон Дин ишазгәеиҭоз ала, адиалогқәа рыԥсахразы иҟарҵо аҽазышәарақәа адраматә хәҭа еицанакуан: аопераҿы абжьқәа ихиааланы акәымкәа, ирҭрысны иааҩуеит; ихадам аперсонажцәа ррольқәа еиҵахоит. ХХ-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы адиалогқәа зцыз аверсиақәа аларҵәара роуит Франциа анҭыҵ, аха ХХ1-тәи ашәышықәсазы иуԥылоит еиуеиԥшым ақәыргыламҭақәа. Фриц Езер иқәыргыламҭа урҭ апроблемақәа зегьы ханарҭәаар акәын, аха уигьы қәҿиарак амоуит. Избанзар Жорж Бизе раԥхьатәи арепетициақәа рышьҭахь иамихыз афрагментқәа Езер иширхынҳәызгьы, ҳасаб рзимуит уи ашьҭахь шықәсы рацәала имҩаԥгаз аԥсахрақәа. Уи иалҵшәаны, Сиузен Мааклари игәаанагарала, «иаанханы иҟоуп аопера актәи авариант, уи дырны ишыҟаҵамгьы». ХХ1-тәи ашәышықәсазы ицәырҵит Роберт Дидиони Ричард Лангем-Смити иаԥырҵаз авариант ҿыцқәа. Уи ркьыԥхьит Шотти Питерси. Аҩ-варианткгьы Бизе 1875 шықәсазы иаԥиҵаз авокалтә партитура акырӡа иеиԥшым. Амузыкаҭҵааҩы Хиу Макдональд ишиԥхьаӡо ала, Бизе иопера амузыка иамоу агәынкылара бзиа уи ԥсра ақәымкәа иҟанаҵоит, аоператә классика ҳәа иамоу астатус акәзар, иарбанзаалак гәыҩбарак унаҭом. Аопера «Кармен» иахьа уажәраанӡагьы зегь реиҳа еицырдыруа театртә қәгылароуп. Уи ақәыргылара рнапы алакын «Кармен» 1978 шықәсазы Венатәи аопера асценаҿы иқәзыргылаз Франко Ӡеффирели иеиԥш иҟоу аҟаза дуцәа. Ӡеффирели иқәыргыламҭаҿы иҟан идууз, ихьанҭаз адекорациақәа. Урҭ ирҷыдангьы, уи асцена ҭирҭәаауан ауаа рацәа рыла, уимоу асценаҿы аԥстәқәагьы ыҟан. Анаҩс Ӡеффирели Арена ди Верона асценаҿы иқәиргылеит «Кармен». Единбурги, Гамбурги, Милани Бизе иопера ақәыргылара аус адиулон Пиеро Фаџьони, Циурих – Жан-Пиер Поннель. Ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа акык-ҩбак аимак-аиҿаки акритикеи цәырыргоит. Убас, Парижтәи амилаҭтә операҿы 2013 шықәсазы арежиссиор Ив Боне иқәиргылаз аспектакль аҿы аопера ахҭысқәа ыиагоуп ҳаамҭазтәи Испаниаҟа. Ари аспектакль ргәы ԥнажәеит ахәаԥшцәагьы, иара убас амассатә информациатә хархәагақәагьы. Зны-зынла ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа рҿы Бизе иопера афырԥҳәызба хада злахьынҵа қәашьхаз аԥҳәыс лцынхәрас «афеменизм џьарҵас даманы» иҟарҵоит. Урыстәыла иқәыргылаз ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа рахьтә иалыркаауеит Большои театр аҿы иқәыргылаз аспектакльқәа. 2008 шықәса азы иқәыргылаз аспектакль шьаҭас иаман 1875 шықәсазтәи Жорж Бизе «ицәажәаратә» аоригинал. Уи аҿы ахҭысқәа абордель ашҟа ииагоуп. 2015 шықәсазтәи ақәыргыламҭа Гиро «иречитативтә» версиа иашьашәаланы иҟаҵоуп. 1996 шықәсазы Мариинтәи атеатр аҟны иқәыргылаз аспектакль аҿы аԥхьатәи аплан ахь ицәырҵуеит аконтрабандистцәеи Мануелитеи, арежиссиор иӡбеит урҭ «еқс-Кармен» ҵас рцәыргара. == Амузыка == Х1Х-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аопера дахцәажәо, Ерве Лакомб иазгәеиҭоит, «Кармен» - зхыԥхьаӡара даараӡа имаҷу, аамҭа иԥнашәаз аоперақәа ируакуп ҳәа. Лакомб ари аспектакль ацәажәаратә опера атрадициақәа инагӡаны ирышьашәалоуп ҳәа иԥхьаӡозар, Хиу Макдональд игәаанагарала, уи ари ажанр аҳәаақәа ирҭыҵуеит. Уи ишиԥхьаӡо ала, ари аопера иамоу «узыршанхо амелодиа рацәа реилаӡҩареи, иҟазаратәу агармониеи, идеалтәу аоркестровкеи» роуп уи аамҭак иатәны акәымкәа, инаугӡаны иҟазҵо». Уинтон Дин игәаанагарала, Жорж Бизе иқәҿиаз ирхаданы иҟоуп аопераҿы ихадоу ахҭысқәа зегьы адиалогқәа рыцхыраара ала акәымкәа, амузыкаҿы еффектла раарԥшра ахьилшаз ҳәа: « «Имаҷҩуп, ас еиԥш иаартны абзиабареи ахыбаареи ицәырырго ахьааи ацәаныррақәеи шашаӡа иаазырԥшуа арҿиаҩцәа». Амузыкаҭҵааҩы Бизе дырҿирыԥшуеит зырҿиамҭақәа рҿы аперсонажцәа ремоциақәеи рхьааи ахәаԥшцәа аҵанӡа ирныруа аҟаҵара зылшо акомпозиторцәа Моцарти Вердии. Аопера адраматургиа шьаҭас иамоуп аперсонажцәа хадақәа рхаҿсахьақәа динамикала реизҳара. Уи хымԥада анагӡаҩцәа ирыднаҵоит иҷыдоу авокалтә лшарақәеи актиортә баҩхатәреи амазаара. Изныкымкәа Хозе ипартиа назыгӡахьаз ашәаҳәаҩ Алеқсандр Востриаков иазгәеиҭон, ари ахаҿсахьа акыр «ишыуадаҩу, аиԥшымзаарақәагьы рацәаны ишамоу» , уи анагӡаразы ишаҭаху адраматә ҟазареи алирикатә гәызианреи: «Афырхаҵа иемоциатә гәырҩақәа рымҽхак аарԥшразы иаҭахуп даара илакьуа, еихатыруа абжьы». Бизе имузыкеи алибреттои иҟазшьарбаганы ирымоу аҷыдарақәа ируакуп аперсонажцәа риндивидуалтә хҭысқәеи рхаҿсахьа аҿиареи еиуеиԥшым амассатә сценақәа рфон аҿы иахьымҩаԥысуа. Уи алшара ҟанаҵоит ахҭыстә планқәа акымкәа-ҩбамкәа реилагӡара. Зхала иҟоу аномерқәа хыԥхьаӡарала иахьеиҵоу иаҷыдангьы, урҭ рдраматә ҿиара, ԥҟаррак аҳасабала, ахортәи амассатә сценақәеи ирылаҵаны ауп ишымҩаԥысуа. Алитератураҿы иазгәарҭоит, ас еиԥш иҟоу аилазаашьа ҩынтәтәи аеффеқт шыҟанаҵо: «еиԥмырҟьаӡакәа аҿиара иаҿу ахҭыси аопера амассатәреи аланарԥшыреи рдинамика». [[Афаил:Carmen_habanera_original.jpg|мини|Кармен л-Хабанера (Жорж Бизе инапҩымҭа аоригинал, 1874 года)]] Зныкгьы Испаниа имнеицыз Бизе, имузыка испаниатәи ацәаҩа аҭаразы иақәнагоз ахыҵхырҭақәа дрышьҭан.Уи инадҳәаланы, Исаак Альбенис иҩуан: «Исыздыруам Бизе илзыршаз ус еиԥш аҟаҵара, аха Испаниа ахаҭа иахылымҵит «Кармен» аҵкыс еиҳа испаниатәу!» ҳәа. Кармен иналыгӡо хабанера шьаҭас иамоуп 1864 шықәсазы Париж иҭыҵыз Себастиан Ирадиер иеизга «Испаниатәи ашәҭқәа» аҟнытә ашәа «''El arreglito''» («Аҳәар'''а'''»). Аԥхьанатә Бизе уи жәлартә мелодиак аҳасабала идикылеит, аха автор данеиликаа, уи аинформациа авокалтә партитура иацҵаны ианиҵеит, «испаниатәи ашәа иаҿырԥшны» ҳәа. Иван Соллертински игәаанагарала, ахабанера аритмика ашьаҭаҿы испаниатәи акәымкәа, акреолтә-америкатә ҟазшьа амоуп (уи инаҵшьны аномер ахьӡгьы иаҳнарбоит, избанзар «хабанера» ахьынтәаауа адгьылбжьахатә ҳәынҭқарра Куба аҳҭны қалақь Гаванна ахьӡ аҟынтәи ауп). Иара акәашара ахаҭа еиԥш, уи ашьшьыҳәа ицо танго аритм иазааигәоуп. Афырԥҳәызба хада лхаҿсахьа аартра, иреалтәны аҟаҵаразы иҟазшьадыргоу ахархәагақәа ируакуп уи лпартиаҿы акомпозитор ашәа-кәашаратә жанр ихы иахьаирхәо. Уи азгәеиҭоит иусумҭаҿы асоветтә музыкаҭҵааҩы Арнольд Альшванг. ''«Coupe-moi, brûle-moi»''  асценаҿы Бизе ажәлар рашәа ихы иаирхәоит, егьырҭ аепизодқәа рҿы, иаҳҳәап, Кармен Сегидилиа аныналыгӡо, - фламенко амотивқәа. Аха егьа умҳәан, аопера францызтәуп, испаниатәӡам, «атәым мелодиақәа» аопераҿы икомпонент хадақәаны ишыҟамгьы, иуникалтәу атмосфера аԥҵараҿы рлагала рацәоуп. Аопера азы аувертиура хы-хәҭак рыла ишьақәгылоуп: атореадорцәа арена ашҟа рцәырҵра (аԥшьбатәи ақәгылара аҟнытә), Есқамилио иариа аҟнытә арӷызра (аҩбатәи ақәгылара аҟнытә), иара убас маҷк еиԥшым ҩ-формак рыла ицәыргоу амотив. Урҭ Кармен лхаҭа леиԥш, аԥсы зхалҵо лразҟгьы иахцәажәоит. Акларнети, афаготи, акорнети, авиолончели рыла инарыгӡо ари амотив аувертиура хнаркәшоит ираӷьны инагӡо акрешьчендо ала. Аԥарда анаатуа, раԥхьатәи асценақәа ҭырҭәаауп илашоу атмосферала. Ус иҟоуп Кармен дцәырҵаанӡа. Хабанера анагӡараан ицәырҵуеит аразҟы амотив, уи ақәцәанӡа инеиуеит Кармен Хозе ашәҭыц ишьапы ианаҵалыршәуа ашәымҭазынӡа. Алеитомотив ахаҭа – аопера амузыкатә еиҿартәышьа зегьы ҳәаақәызҵо «аразҟы атема» шьақәыргылоуп изыцҵоу аиҿартәышьа аикәшарақәа рыла («ацыгантә гамма»). Лиа мажор аҿы Хозе имонолог анаҩстәи анагӡара - еиҭасымҭатә шәымҭаны иҟоуп. Нас дырҩегьых ихынҳәуеит акларнети арахәыцтә инструментқәеи ицәырырго итатоу агәалаҟазаара ашҟа (Миқаела аҩбатәи лцәырҵраан). Аха иаарласны, аҭаҭынтә фабрика аусзуҩцәа реисра аан, еиҭах ицәырҵуеит агәҭынчымра. Хозе иргәаара хықәкыс измоу Сегидилиа анагӡараан – уи иаргьы изныкымкәа иныраӷьны ибжьы ақәиргоит (лиа диез); инагӡоу Сегидилиа афрагмент еиҭаҳәахоит, аха иркьаҿны, уи аепизод мҩаԥысуеит Кармен дыбналаны данцаша аламҭалазы.  Адраматә еффект арыӷәӷәаразы, Жорж Бизе ари ақәгылара афинал изныкымкәа ирҿыцны иҩхьан. Аҩбатәи ақәгылара антракт аҟынтәи иалагоит. Иуаҳауеит Хозе анаҩстәи ицәырҵраан ииҳәараны иҟоу ашәа амелодиа. Уи анагӡаразы рхы иадырхәоит ашәаҳәара инацҵаны иҷыдоу атмосфера аԥызҵо абҩатә-ԥсыԥтәи, иара убас асгатә инструментқәа. Ернест Ниуман ари асцена «гәазыҳәарылеи музыкатә хшыҩҵарралеи иҭырҭәаау» ҳәа азиҳәеит. Ауаа рацәа рҟынтәи иҷыдоу аҳаҭырқәҵареи азҿлымҳареи ирышьцылахьаз атореадор атавернаҿы ицәырҵра иазкны Константин Станиславски иазгәеиҭеит: «Уи Шалиапин атрактир дыҩналар иеиԥшуп» ҳәа. Хозе данцәырҵ ашьҭахь имҩаԥысуеит аидыҽырбалара асцена, уи аан Кармен акастаниетақәа рыла дыхәмаруеит, дкәашоит, ашәа лҳәоит, Хозе хәылбыҽхатәи агәаҭарахь ихынҳәразы зыбжьы го акорнет абжьыҵәҟьа иаԥылгоит. Иҭышәынтәалоу, иҳараку си бемоль аҟны инҵәо Хозе иашәа иаԥхьагылоуп англыз быкь аҿы бжьы маҷла инагӡо аразҟы амотив. Хозе имаҵзурахьы ихынҳәра иахҟьаны, насгьы уи ашьҭахь имҩаԥысуа акапитан Цунигеи Хозеи реицәҳарақәа рышьҭахь гәырӷьара дук аҳасабала игоит ахақәиҭра агимн. Ахԥатәи ақәгыларазы антракт аханатәгьы «Арлезианка» азы иазԥхьагәаҭан. Амузыкаҭҵааҩы Ернест Ниуман «аԥсыԥтә рҳәагақәа рыбжьара ирацәаны аилышьрақәа змоу, илыԥшааху аминиатиура» ҳәа дахцәажәоит ари амелодиа. Ахҭысқәа еизҳацыԥхьаӡа, амузыка иагәылыҩуеит Хозеи Кармени реизыҟазаашьаҿы еиҳа-еиҳа аибарххарақәа ишрызҳауа. Аразҟы амотив дырҩегьых ицәырҵуеит амаца андырԥо асценаҿы, Кармен иаарласны лыԥсра азԥхьабараан. Уи асцена аопераҿы икульминациатәқәоу иреиуоуп. Иқәыргылоуп акомпозитор бзиа иибо аконтраст хархәагала. Амацақәа аԥсра атәы аныддырбо, трагедиала иҭәу Кармен лыбжьы («Аԥсра! Раԥхьа сара! Нас иара!») гоит Фраскитеи Мерседеси ргәырӷьабжьқәа ирылыҩуа. Хохловкина лгәаанагарала, Кармен лразҟы ахьазԥхьарбахаз асцена - уи лхаҿсахьа «даара иарҵаулоит, уаанӡа ишаабоз еиԥш акәымкәа, иаҵанакуа даара ирацәаны иҟалоит». Уи ашьҭахь ицо Миқаела лпартиа цәаныррала ишҭәугьы, амузыка аганахьала иҷыдароу ҳәа акгьы амам. Игор Стравински игәаанагарала, амацарԥара асцена – «аконтрабандистцәа рсоль-бемоль-мажортә ансамбли, аквинтети, Хозе аҵыхәтәантәи исценеи (аопераҿы иреиӷьу амузыка!) инацҵаны, аопера ииашаҵәҟьаны изырҩычо, зыхә цгьа бжоу ахаҳәқәа ирыларшәу абырлашц иеиԥшны иубоит». Ахԥатәи ақәгылара агәҭаны, еиканцәахаз Хозеи Ескамилиои реиҿагылараан, амузыка иаанарԥшуеит урҭ рҟазшьақәеи ргәалаҟазаареи. Ниуман игәаанагарала, Есқамилио «ак иаҵамхо, даамсҭашәаны, дҵәылхыҩны даанхоит», Хозе иакәзар, еиҳа-еиҳа деихашәы-еиҵашәны, агрессиа иныԥшуа дҟалоит. Хозе Миқаела длыцны данца ашьҭахь, амузыка иаанарԥшуеит Кармен зегь реиҳа илашьцоу лҟазшьа аҷыдарақәа. Хозе реицәажәара ахыркәшаразы хымԥада дшыхынҳәуа ала данқәуа, дырҩегьых аԥсыԥтә арҳәагақәа рынагӡарала, ицәырҵуеит аразҟы амотив. Есқамилио асцена анынижьуа аамҭазы иго амелодиа иаҳнарбоит Хозе игәаҿы еиҳа-еиҳа изызҳауа аԥсеибарххареи агәкаҳареи. Аԥшьбатәи ақәгылара хацыркуп Манеуль Гарсиа итонадилие «Имцу амаҵуҩы» (аисп. ''El criado fingido'') ашьаҭала Аԥарда анаатуа, аҭаалым ҟазҵо атореадорцәа ираԥхьагылоуп аҷкәынцәа рхор. Уи аамҭазы ауаа рацәа Есқамилио идныҳәалоит. Уи ашьҭахь имҩаԥысуеит Кармен лыбзиабаратә сцена кьаҿ. Хозе Кармен иара ишҟа дхынҳәырц азы дахьлыҳәо, акыраамҭа ицо, афинал аан арена аҟнытә игоит агәырӷьара зныԥшуа ахәаԥшцәа рыбжьқәа; Кармен лышьра ашьҭахь иуаҳауеит атореадор иашәеи аразҟы амотиви (фортиссимо). Уи амацарԥара асцена ашҟа ҳхьазырԥшуа амузыка иалалоит. Иау аккорд ала инҵәо, абзиабареи агәкаҳареи рыла иҭәу аҵыхәтәантәи ажәақәа рышьҭахь, иарбанзаалак музыкатә, ма вокалтә нагӡарак ацӡамкәа ашьшьыҳәа илеиуеит аԥарда. ==Азхьарԥшқәа== * [http://www.dlib.indiana.edu/variations/scores/aaz2552/large/index.html Клавир и вокальная партия]{{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20100929205925/http://www.dlib.indiana.edu/variations/scores/aaz2552/large/index.html |date=2010-09-29 }} изд. [[G. Schirmer Inc.]], New York, 1958{{ref-en}},{{ref-fr}} на сайте William and Gayle Cook Music Library, Indiana University School of Music * [http://libretto-oper.ru/bizet/carmen Полный текст либретто оперы «Кармен»]{{Асаит архивтәра|url=https://web.archive.org/web/20130203021128/http://libretto-oper.ru/bizet/carmen |date=2013-02-03 }} (свободный перевод Ю. Димитрина) {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Кармен]] [[Акатегориа:1875 шықәсазы аоперақәа]] [[Акатегориа:Аоперақәа]] [[Акатегориа:Жорж Бизе иоперақәа]] [[Акатегориа:Афранцыз бызшәахь аоперақәа]]
«Карме́н» () — Ԥшь-актк рыла ишьақәгылоу Жорж Бизе иопера раԥхьатәи апремиера мҩаԥысит парижтәи «Опера-Комик» аҿы 1875 ш. хәажәкыра 3 рзы. Аопера алибретто рҩит – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Асиужет аԥҵоуп Проспер Мериме иновелла «Кармен» иалхны. Аопераҿы ахҭыс мҩаԥысуеит Испаниа XIX ашәышықәса актәи азбжазы. Аперсонаж хадақәа: ацыган ҭыԥҳа Кармен, асержант Хозе, атореадор Есқамилио, Хозе изҳәаны итәоу аҭыԥҳа Миқаела. Урҭ ирҷыдангьы аопераҿы ицәыргоуп имаҷҩымкәа ихадам аперсонажцәа: афицарцәа, асолдаҭцәа, ацыганцәа, аконтрабанда ныҟәызго ауаа, атареадорцәа, атаверна аԥшәма, иара убас ауаа рацәа. «Опера-Комик» аҿы Жорж Бизе и-«Џьамиле» қәҿиара анамоу ашьҭахь, уи ари аопера аԥҵаразы аҿаҵахьа ирҭеит, аамҭакалагьы алибретто аҩразы иалырхит Жак Оффенбах аус ицызуаз, еицырдыруаз ҩыџьа алибреттистцәа – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Ԥыҭрак ашьҭахь аопера ҿыц атематика рыдигалеит иара Жорж Бизе ихаҭа. Аопера асиужет Мериме иновелла акырӡа иацәыхароуп, хазы иугозар, Миқаела лцәырҵрала, мамзаргьы Кармен лҟазшьа арҟәымшәышәрала. Арепетициақәа анцоз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, акомпозитор изныкымкәа иԥсахит амузыка, иара убас алибреттогьы. Уи зыдҳәалаз, аоркестр мелодиақәак рынагӡара ахьацәыуадаҩхаз анаҩсангьы, асценаҿы агәымбылџьбарақәа дырбара ҭаацәаныла иахәаԥшуа ауаа ргәы ҿнакаауеит ҳәа иԥхьаӡаны, атеатр аиҳабыра шиқәыӷәӷәозгьы, Бизе асиужет аԥсахра ахьиҭахымыз ауп. АкомпозиторЖорж БизеАлибретто зҩызАнри Мельиак и Людовик ГалевиАлибретто абызшәаАфранцыз бызшәаАсиужет ахыҵхырҭаПроспер Мериме  иновелла «Кармен»АжанрИреалисттәу аԥсихологиатә музыкатә драмаАқәгыларақәа4 Хазы ипроблеманы ицәырҵит ароль хада анагӡаҩ лалхрагьы – еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы Кармен лроль анагӡара мап ацәыркуан. Мызқәак ицоз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь далырхит апремиератә спектакль аҿы Кармен лроль назыгӡаз - Селестин Галли-Марие. Арепетициақәа ирылагеит иазԥхьагәаҭаз аҿҳәара шықәсык анахыла ашьҭахь, 1874 шықәса жьҭаарамзазы. Убри азы апремиера амшгьы 1975 шықәса хәажәкыра 3 рышҟа ииаргеит. «Кармен» раԥхьатәи арбара аӡәык-ҩыџьак акритикцәа ишрыдыркылазгьы, илҵшәадахеит. Алибреттист Галеви ишигәалаиршәо ала, актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара абжа аҟынӡеи ахәаԥшҩы гәазыҳәарала идикылеит, аха нас ахәаԥшцәа «хьшәашәахо» иалагеит, аҵыхәтәантәи ақәгылара мҩаԥысит ахәаԥшцәа рзал зегьы еиқәышьшьы ҿымҭӡакәа иштәаз. Жорж Бизе иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы – 1875 ш. лаҵара 3 – ари аопера 33-нтә иддырбахьан, аҵыхәтәантәи аспектакльқәа азал бжеиҳан иҭацәны имҩаԥысуан, аха анаҩс аопера иаҭаауаз рхыԥхьаӡара иазҳауа иалагеит. Иаарласны аспектакль «Опера-Комик» арепертуар иалырхит; уи дырхынҳәит 1883 шықәсазы, акырӡа иԥсахны. Уи азы атеатр адиректор иӷәӷәаны акритика изыруит, аҵыхәтәангьы аоригиналтә сиужет атеатр ашҟа ирхынҳәын. Ашьҭахь «Кармен» ҩ-версиакны иқәдыргылон – иоригиналтәу «ацәажәаратәи», Бизе данԥсы ашьҭахь Ернест Гиро иаԥиҵаз «аречитативтәи». Анаҩс уи аҵыхәтәантәи алаҵәара ӷәӷәаны иаиуит. Уи аамҭазы аспектакль Европа ирацәаны ақалақьқәа рҿы иддырбахьан, Санкт-Петербурггьы уахь иналаҵаны. «Кармен» раԥхьатәи ақәыргыламҭақәа збахьаз Пиотр Чаиковски ишиҩуаз ала, Бизе ирҿиамҭа – «ииашаны, шедевр цқьоуп, даҽакала иуҳәозар, епоха дук амузыкатә ҽазышәарақәа зегьы еиҳа иӷәӷәаны аныԥшра зқәашьхаз, иалкаау акык-ҩбак арҿиамҭақәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу акакәхоит…». Анаҩс «Кармен» адунеи аҿы еицырдыруа иҟалеит, уи аопера нарыгӡон аопера аеҵәақәа аӡәырҩы. Убас, Ниу-Иорк Хозе ипартиа наигӡон Енрико Карузо (1906 инаркны 1919 рҟынӡа). Аопера ақәҿиара ду аиуит Германиа. Уи уаҟа иазыӡырҩуаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Отто фон Бисмарки Фридрих Ницшеи, уимоу аҵыхәтәантәи иажәақәа рыла, Бизе ирҿиамҭа анырра ӷәӷәа инаҭеит. Урыстәылеи Асовет тәылаҿи «Кармен» изныкымкәа иқәдыргылахьан. Ароль хада назыгӡоз еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа ирылыркаауан Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Тамара Синиавскаиа, Ирина Архипова. Ишазгәарҭо ала, ари аопера адунеи зегь аҿы еицырдыруа иҟалеит иаҵоу агармониеи, иидеалтәу аоркестровкеи, музыка бызшәала адраматургиа иақәшәаны, ииашаҵәҟьаны азнагареи рыла. 1890 шықәсқәа инадыркны ари аопера изныкымкәа иҭарҩуан еиуеиԥшым аныҟәгагақәа рҟны. Жорж Бизе и-«Кармен» ашьаҭала иаԥырҵон еиуеиԥшым авариациақәа, урҭ ируакуп Радион Шьчедрин еицырдыруа ибалет «Кармен-сиуита». Азԥхьаҭоурых мини|слева|Афранцыз шәҟәыҩҩы Проспер Мериме, ановелла «Кармен» автор 1860-тәи ашықәсқәа рзы Жорж Бизе иҽазишәон асценатә рҿиамҭақәа раԥҵара, уи Римтәи апремиа далауреатын. Усҟан аҳәынҭқарратә ԥарала аус зуаз атеатр хадақәа (Парижтәи аопера, «Опера-Комик») аконсервативтә дунеихәаԥшышьа рыман, аҿар рхы аадырԥшыртә еиԥш алшара рырҭомызт. Жорж Бизе раԥхьаӡа ицәыригаз аоперақәа – «Абырлаш аԥшааҩцәа», «Перттәи аԥшӡа» роуп. Урҭ дырбанThéâtre Lyriqueru аҿы. Дара асцена ашҟа рцәырҵра алыршахеит акомпозитори аимпресарио Леон Карвалиои реибадырра иабзоураны. Аха усгьы, арҭ аоперақәа аҩбагьы қәҿиара дук рымамызт. Афранцыз-пруссиатә еибашьра ашьҭахь Жорж Бизе арҿиаразы еиҳа илшарақәа ҭбаахеит, актк иҟаз уи иопера «Џьамиле» раԥхьаӡа акәны идырбан «Опера-Комик» аҿы 1872 шықәса лаҵара мзазы. Аспектакль 11-нтә ианыддырба ашьҭахь арепертуар ишалырхызгьы, атеатр Бизе иднаҵеит Анри Мелиаки Лиудовик Галевии ирыҩраны иҟаз алибретто ала, аопера ҿыц аԥҵара. Галеви уаанӡагьы далахәын Бизе иопера «Аҳақьым Миракль» аԥҵара, иара ихаҭагьы Бизе иԥҳәыс Женевиева лаб иашьа иԥа иакәын. Усҟантәи аамҭазы Мелиаки Галевии Жак Оффенбах иопереттақәа рзы иҩуа либреттистцәак раҳасабала еицырдыруан. «Опера-Комик» аҟнытә иоуз анапынҵа игәы шышьҭнахыз мӡакәа, Бизе иҩыза Едмон Галабер иҭабуп ҳәа иеиҳәоит «имҩа аҳәаақәҵараҿы ацхыраара иҟаиҵаз» азыҳәан. Аопера ҿыц атематика ахцәажәара иалахәын Бизе ихаҭа, алибреттистцәа аҩыџьегьы, «Опера-Комик» ахадара. Атеатр ахьӡала ажәалагала ҟаиҵеит Адольф де Лиовен, аха уи мап ацәыркит. Бизе иоуп раԥхьа Проспер Мериме иновелла «Кармен» амотивқәа рыла аопера аԥҵаразы ажәалагала ҟазҵаз. Уи раԥхьаӡа акәны икьыԥхьын ажурнал Revue des deux Mondes аҿы 1845 шықәсазы. Иҟоуп агәаанагара, ари аԥҵамҭа анырра анаҭеит ҳәа 1852 шықәсазы Мериме афранцыз бызшәахь еиҭеигоз Александр Пушкин ипоема «Ацыганцәа». Иара Жорж Бизе иакәзар, раԥхьаӡа акәны уи ажәабжь аӡбахә иаҳазар ҟалоит 1858-и 1860-и шықәсқәа рыбжьара, Рим даныҟаз. Акомпозитор имшынҵақәа рҿы ишиҩуа ала, урҭ ашықәсқәа рзы уи Мериме иажәабжьқәа дрыԥхьон. Иалоу ауаа АпартиаАбжьы3 марта 1875 ш. азы апремиераҿы анагӡаҩ Адирижиор: Адольф ДелофрКармен, ацыган ҭыԥҳаАмеццо-сопраноСелестина Галли-МариеДон Хозе, драгәынтәи аполк асержантАтенорПоль ЛериЕсқамилио, атореадорАбаритонЖак БуиМиқаела, Наваррантәи аԥҳәызба, Хозе изҳәаны итәоуАсопраноМаргарита ШапиуиЦунига, драгәынтәи аполк акапитанАбасЕжен ДиуфришМоралес, драгәынтәи аполк асержантАбаритонЕдмон ДиувернуаФраскита, ацыган ԥҳәызбаАсопраноАлиса ДиукассМерседес, ацыган ԥҳәызбаАмеццо-сопраноЕсҭер ШевалиеДанкаиро, аконтрабандистАбаритонПиер-Арман ПотельРемендадо, аконтрабандистАтенорБарноЛилас Пастиаиа, атаверна аԥшәмашәаҳәарадаМ. Натен (M. Nathan)АмҩаԥгаҩшәаҳәарадаМ. Тест (M. Teste)Афицарцәа, асолдаҭцәа, ихылаԥшрадоу аҷкәынцәа, аҭаҭынтә фабрика аусзуҩцәа ҳәсақәа, аҿар, ацыганцәеи ацыган ҳәсақәеи, аконтрабандистцәа, атореадорцәа, апикадорцәа, ауаа рацәа Аҵакы аазыркьаҿны мини|Иоригиналтәу аопера актәи ақәгылара, 1875 шықәсазы, алитографиа мини|Иоригиналтәу аопера актәи ақәгылара, 1875 Актәи ақәгылара Севилиа, аҭаҭынтә фабрика азааигәара иаангылеит адрагәынцәа рескадрон. Асолдаҭцәа афабрикаҿы аус зуа, иара усгьы ииасны ицо аҭыԥҳацәа блала еимдо, иреилаҳаны ирыхәаԥшуеит. Адрагәын Хозе иԥшааразы арахь даауеит Миқаела, аха асолдаҭ Моралес илеиҳәоит Хозе даҽа ескадронк аҿы шакәу дахьыҟоу, илеиҳәоит урҭ иаарласны дара рыԥсахразы иаараны ишыҟоу, аамҭа еицаҳхаҳгап ҳәагьы налеиҳәоит. Миқаела уи мап ицәкны, ирласны дцоит (асцена «Sur la place, chacun passe»). Иаарласны аескадронқәа рҽырыԥсахуеит. Дцәырҵуеит Дон Хозе. Уи иԥылоит аҷкәынцәа рхор. Акапитан Цунига асержант Хозе иеиҳәоит аҭаҭынтә фабрика аҿы аус зуа аҭыԥҳацәа дышдыршанхаз атәы, аха Хозе уи иарбанзаалак зҿлымҳарак аиҭом – иара зегь иреиӷьишьо аӡӷаб димоуп - изҳәаны итәоу Миқаела (асцена «Avec la garde montante»). Афабрика аҟнытә иааҩуеит аҵәҵәабжьы, аӡӷабцәагьы аԥсшьара аамҭазы амҩахь ицәырҵуеит. Рызегьы аҭаҭын сигарқәа рҿыҵакуп. Иаразнакала урҭ иаарыкәшоит ахацәа (асцена «La cloche a sonné»). Даацәырҵуеит зегь ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшу аҭыԥҳа – ацыган ҭыԥҳа Кармен. Иубоит уи ахацәа рыршанхара, рыблақәа лыдхаланы ианлыхәаԥшуа дшашьцылахьоу. Урҭ рцәаныррақәа рхыччара лара лгәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит. Кармен иналыгӡоит Хабанера. Зегьы шанханы илыхәаԥшуеит, аха лара илгәаԥхаӡом Хозе заҵәык изаҟаразаалак зҿлымҳарак ахьлыимҭо. Илку ашәҭ ыршәны ишьапы иаҵалыршәуеит. Дырҩегьых иааҩуеит аҵәҵәабжьы, аӡӷабцәагьы ццакны аусура ицоит (асцена «L’amour est un oiseau rebelle»). Дхынҳәны дааиуеит Миқаела, уи Хозе ақыҭантәи изаалгеит асалам шәҟәи афатәқәеи. Хозе иан лыхьӡала дгәыдылкылоит. Рҩыџьегьы илах-ҿыхӡа, рцәаныррақәа еибырҳәоит. Хозе иан иаалышьҭыз асалам шәҟәы данаԥхьа, дышлықәшаҳаҭу аартны иҳәоит, аррантә даныхынҳәлак Миқаела ԥҳәысс дшиго атәы (асцена «Parle-moi de ma mère!»). Миқаела данцалакь ашьҭахь афабрика аҟнытә абжьқәа ааҩуеит. Иҟалаз уи ауп, Кармени афабрикаҿы аус зуа ԥҳәызбаки акы ааимаркын, Кармен аԥҳәызба лышҟа аҳәызба лҟьазаап! Акапитан Цунига Хозе идиҵоит иааныркылаз Кармен лыхьчара, ихаҭа лҭакразы аордер аагара дцоит (асцена «Tra la la…Coupe-moi, brûle-moi»). Цунига иҟамзаара иалагӡаны Кармен иналыгӡоит Сегидилиа. Уи анагӡара аамҭа иалагӡангьы илылшоит Хозе ихыхра (асцена «Seguidilla: Près des remparts de Séville»). Цунига Кармен лҭакразы аордер иманы данаа, Кармен Хозе длыцхрааны дыбналоит, уи аҵыхәалагьы Хозе ихаҭа абахҭа дҭашәоит (асцена «Finale: Voici l’ordre; partez»). Ҩымз рышьҭахь Ҩымз рышьҭахь Липас Пастиа итавернаҿы асасцәа кәашарала ргәы дырҿыхоит Кармен лҩызцәа Фраскитеи, Мерседеси, лареи. Асасцәа дыруаӡәкуп акапитан Цунигагьы (асцена «Votre toast, je peux vous le rendre»). Уи иҳәоит Хозе абахҭаҿы иҿҳәара шихигаз, ичинқәа имхны дышсолдаҭыртәыз. Уажәазы ихы дшақәиҭу, ирласынгьы Кармен лахь даараны дшыҟоу. Ибаҩхатәра абзиабаҩцәа гәыԥҩык ицны атаверна дыҩналоит атореадор Есқамилио (асцена«Vivat! Vivat le torero!»). Уи инаигӡоит атореадор икуплетқәа. Кармен лгәыкреи лыԥшӡареи Есқамилио ибла хыркуеит, аха лара уи иҟаиҵо азҿлымҳара зынӡаскгьы хьаас илымам, дылҟәылцоит. мини|слева|Асцена «Je vais danser en votre honneur…» Атаверна абжьааԥнытәи асасцәа рзы ианадыркы ашьҭахь, уаҟа иаанхоит аконтрабандистцәеи ацыган ҳәсақәеи - Данкаирои, Ремендадои, Кармени, Фраскитеи, Мерседеси. Раԥхьатәиқәа рконтрабанда аҭыԥ ақәҵара рҭахуп, Фраскитеи Мерседеси урҭ ирыцхраауеит, аха Кармен мап ацәылкуеит рыцхраара. Уи бзиа илбаз Хозе иаара дазыԥшырц лҭахуп. Аконтрабандистцәа илыдыргалоит Хозе русқәа дрылалырхәырц (асцена «Nous avons en tête une affaire»). Хозе даауеит. Кармен иара изы ҷыдала дкәашоит (асцена «Je vais danser en votre honneur … La la la»), аха иаарласны харантәи игоит хәылбыҽхатәи агәаҭаразы аказарма ашҟа иԥхьо атруба абжьы. Уи, смаҵурахьы сыхнымҳәыр ҟалом ҳәа анлеиҳәа, Кармен иаахжәаны: «Сыбзиабара аҵкыс умаҵура еиҳа еиӷьушьоит, - ҳәа аҽԥныҳәа илҭоит. Иара акыргьы длакҩакуеит, асолдаҭ иуалԥшьеи абзиабареи деимаркуеит. Дуалыуашоит, Севилиа ашҭаҿы ишьапаҿы икалыршәыз ашәҭыц игәыдкыланы илырбо, ашәа иҳәоит (асцена «La fleur que tu m’avais jetée»). Ус иаарласны ихынҳәыз акапитан Цунига Хозе адҵа ииҭоит аказармахь дцарц азы. Хозе адҵа анагӡара мап ацәикуеит, иаҳәаԥсагьы ҭыхны диҿагылоит. Убасҟан дагьдезертирхоит, Кармени аконрабандистцәеи рҿы даанымхар ада ԥсыхәа имамкәа ихы ҭаиргылоит. Данкаирои Ремендадои Цунига иабџьар ихыхны ддәылганы дыргоит, уи џьара ишәарҭоу дыррак ҟаҵаны, рконтрабандатә планқәа дырԥырхагамхарц азы. Аконтрабандистцәа еицҿакны ирҳәоит - ргәамчхара шакәу дара рзы закәанс иҟоу (асцена «Finale: Holà! Carmen! Holà!»). Ахԥатәи ақәгылара Ахԥатәи ақәгылара афиналтә сцена (1917) Аамҭа ԥыҭк набжьысхьеит, аҳәаа иацәыхарамкәа, ашьха еиҩхааҿы аконтрабандистцәа еиҭах рус иаҿуп. Хозегьы ара дыҟоуп. Аха Кармен Хозе иахь лцәаныррақәа хьшәашәхахьеит, тәамбашақә диацәажәоит, лқьышә днықәҵаны иан лахь ицара шаамҭоу иалҳәоит; Хозе ихаҭагьы зынӡаск игәы азнеиуам аконтрабандистра. Хозе хылаԥшҩыс дааныжьны, аконтрабандистцәа аҳәаа ашҟа ицеит (асцена «Écoute, compagnon, écoute»). Фраскитеи Мерседеси амаца дырԥоит, Кармен урҭ днарыцлоит. Уи идырԥо рмацақәа рҿы лҩызцәа абеиареи абзиабареи рзыԥшуп, лара амацақәа рҿы илбоит лхаҭа лыԥсреи, иара убас Хозе иԥсреи (асцена «Mêlons! — Coupons!»). Аԥшыхәра аҟынтәи ихынҳәны иаауеит аконтрабандистцәа. Урҭ ишырҳәо ала, аҳәааҿы ирацәаҩуп аҳазылхратә солдаҭцәа, урҭ аԥыргатәуп. Ацыган ҭыԥҳацәа ирҳәоит дара асолдаҭцәа ишырцәымшәо, урҭ «рхыхрагьы шрылшо» (асцена «Quant au douanier, c’est notre affaire») Дышшәаӡыӡогьы, лгәы ԥсахны Хозе иԥшааразы ашьхарахь днеиуеит Миқаела. Илбоит уи Хозе аӡәы диеихсны, иҽшиҵәахуа (асцена «C’est les contrabandiers le refuge ordinaire»). Аха Хозе дзеихсыз изиқәмыршәеит, иаԥхьа даацәырҵит Есқамилио. Уи Хозе иеиҳәоит Кармен дышлышьҭо, иара убас Хозе иусқәа зегь шидыруа. Аиндаҭлаҩцәа неиҿагылоит раҳәызбақәа (рнавахақәа) ҭыхны, аха убри аамҭазы ихынҳәуеит Кармен дызцу аконтрабандистцәа. Кармен Хозеи Есқамилиои еиҟәылхуеит. Атореадор аконтрабандистцәа зегьы Севилиаҟа ацәқәа реисра ашҟа ааԥхьара риҭоит. Хозе ишҟа ихы нарханы: «Абзиабара згәаҵа иҭоу уахь днеиуеит», - ҳәа иҳәоит (сцена «Je suis Escamillo, torero de Grenade!»). Аконтрабандистцәа ртауар рыманы ицарц рҿанынархо, Миқаела дгәарҭоит. Уи Хозе дишьҭаланы дшааз атәы ралҳәоит. Кармен тәамбашақә, Миқаела дышиашоу, Хозе ара ишиҭыԥым атәы иалҳәоит. Аханатә Хозе ацара игәы иҭамызт, уи дықәхьан Кармен «игәаҟра ицеиҩылшартә» ишыҟаиҵо ала, аха Миқаела Хозе иан аԥсхыхра дшаҿыз аниалҳәа, длыцны дцоит. Аха иара убри аамҭазы дықәуеит, Кармен дыԥшааны, реицәажәара шыхиркәшо ала (сцена «Finale: Holà holà José!»). Аԥшьбатәи ақәгылара мини|слева|Аопера афинал: «Сҭашәк! Уи сара дысшьит» Севилиа ашҭа, ацәқәа реиндаҭлара азааигәараҿы. Аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Ашҭа уаа рацәала иҭәуп, урҭ ирылоуп Цунига, Кармен, Мерседес. Иаарыкәыршаны лахҿыхроуп; дааиуеит Есқамилио (сцена «Les voici! Voici la quadrille!»). Аныҳәа иалахәу ауаа игәырӷьо-хәмаруа уи иԥылоит. Есқамилиои Кармени бзиа ишеибабо еибырҳәоит. Атореадор арена ашҟа данцәырҵлак, Фраскитеи Мерседеси Кармен лгәы лҽынырҵоит Хозе дышлышьклаԥшуа ала, аха лара уи хьаас имкыкәа, иԥылара дшацәымшәо атәы ралҳәоит (сцена «Si tu m’aimes, Carmen»). Зегь аренахь ацәқәа рыхәаԥшра ицоит, Хозе Кармен дыԥшааны, лымҩа ааникылоит. Уи илгәалаиршәоит уаанӡа заҟа бзиа дылбоз, длыҳәоит ишҟа дхынҳәырц, лаӷырӡышла длашьапкуеит, аҵыхәтәаны, дагьлықәмақаруеит. Аха Кармендахьгылоу қәацарак ҟалҵом, лак-ҩакракгьы лнубаалом – Хозе илиҭахьаз амацәаз тәамбашақә иршәны, дивсны дцарц лҿыналхоит. Аха уи дмышьҭыкәа, ҳәызбала дишьуеит; ажәлар уи аамҭазы аренаҿы даҽа зныкгьы ацә иаиааиз атореадор идныҳәалоит. Ахәаԥшцәа арена аҟнынтә ихынҳәны ианааиуа аамҭазы, Хозе бзиа иибоз аԥҳәыс дшишьыз ала иҿы иқәшаҳаҭхоит. Уи дбаандаҩыртәуеит (асцена «C’est toi! — C’est moi!») Аԥҵара аҭоурых Алибретто аҩра мини|Анри Мелиак (Жиуль Ели Делоне ипортреҭ, жьҭ.. 1880) Анри Мелиаки Лиудовик Галевии еиԥмырҟьаӡакәа шықәсқәак ари аоперазы алибретто аицыҩра иаҿын, русура еихшаны. Убас, Мелиак амузыка уиаҟара изааигәамызт азы абжьааԥны адиалогқәа иҩуан, Галеви иакәзар, ажәеинраалатә епизодқәа аԥиҵон. Уи аамҭазгьы урҭ аҩыџьагьы рырҿиаратә дует азы итрадициатәны иҟаз акомикатә пиесақәа хаз-хазы аус рыдулара. Бизе зыԥҵара иҽазишәоз адрама урҭ зынӡа акала иреиԥшымызт. Урҭ апиесақәа рыхьӡқәагьы рҟазшьа аадрыԥшуан: «Амаркиза хәыҷы», «Аҭыԥҳа гәызиан», «Аԥҳәысеиба Лулу». Аопера «Кармен» аус адулара ианалагаз арыцхә ииашаҵәҟьаны аӡәгьы издырам. 1873 шықәсазы Бизе иеиԥш, Мелиаки Галевии Париж иҟан, аибабара рылшон. Алибретто аԥҵан адиалогқәа рыла асценақәа еихшаны иахьыҟаҵоу ацәажәаратә опера (фр.бызшәала opéra comique), атрадициақәа ирышьашәаланы. Алибретто асиужет аспектқәак рҿы Проспер Мериме иновелла еиԥшымхо иалагеит. Убас, аоригинал аҿы ахҭысқәа аамҭа еиҳа ирацәаны ирыбжьысуеит, ажәабжь ахаҭа акәзар, ашьра зықәҵаны абахҭа иҭаку Хозе иҿала еиҭаҳәоуп. Иара убасгьы Мериме ишәҟәы аҿы Миқаела зынӡа дыҟаӡам, атореадор Ескамилио ицынхәрас ажәабжь аҿы дыҟоуп апикадор Лукас. Уи Кармен дхыихуеит аҟароуп шәымҭақәак, аха лара лахь бзиабарак иманы дыҟаӡам. Ажәабжь аҿы Кармен Гарсиа зыхьӡыз ахаҵа длыман, уи Хозе дишьит ианеисуаз. Амузыкаҭҵааҩы Мина Киортисс ишазгәалҭо ала, ановелла иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, Кармен лхаҿсахьа акырӡа ирыԥсахит, уи алибретто аҿы лҟазшьа еиҳа иҵауланы, еилыкка иҟамҵакәа, ажәабжь аҿы ишыҟаз иаанрыжьызҭгьы, агәарагара амаӡамкәа, «зынӡаск иҿаасҭаны» иҟалон. Еилкаауп, раԥхьатәи арепетициақәа 1873 шықәса жьҭааразы ишазԥхьагәаҭаз. Бизе амузыка аҩра далагеит 1873 шықәса жьырныҳәа мза шыҟаз, актәи ақәгылара аус адулара хиркәшеит иара уи ашықәс аԥхынразы. Иҟалап уи аамҭазы аҩбатәи ақәгылара аиқәаҵәақәа азирхиахьазар. Убасҟан еиԥҟьарак ҟалеит, аамҭала аопера аус адулара аанкылан. Рыӡбахә ҳәан акымкәа-ҩбамкәа амзызқәа, урҭ ируакны иҟан ароль хада назыгӡо лыԥшаара ахьыуадаҩхаз, иара убас мзызс иаиуит аопера ақәыргылара иаԥсоу иаԥсаму ҳәа Камиль диу Локльи Адольф де Лиовени рыбжьара ицәырҵыз аҳәоуеиқәымшәарагьы. Де Лиовен дақәшаҳаҭмызт асиужет ас еиԥш ишыҟоу аопера ақәыргылара. Уи ишиԥхьаӡоз ала, уи асиужет ахәаԥшцәа ацәнаршәар ҟалон, избанзар ртеатр - ҭаацәаратә театруп. Усҟан Галеви агәра диргеит асиужет уиаҟара имҽыӷымкәа, адраматәра еиҳа еиҵатәны, афырԥҳәызба хада лҟазшьа еиҳа ирҟәымшәышәны ишыҟарҵо ала, асиужет дшаларгало «зегь рыла ицқьоу, амаркыц ҭыԥҳа қәыԥш» Миқаела. Ацыганцәа ракәзар, акомикатә ҟазшьа змоу персонажцәаны ишаадырԥшуа, аҵыхәтәаны Кармен лыԥсрагьы «триумф ҳасабла ауаа рацәа рныҟәарақәеи, абалети, илах-ҿыху абыкь асреи, аныҳәатә шыкьыбжьқәеи ацҵан ишыӡбахо. Адольф де Лиовенуи мап ацәкра дшаҟәыҵызгьы, 1874 шықәса алагамҭазы «Опера-Комик» аҟынтәи дықәҵит. мини|слева|Лиудовик Галеви ( Ежен Пиру ифотографиа) Жорж Бизе аопера аус адулара иациҵеит 1874 шықәса рзы. Аԥхынразы, уи Париж амҵан Буживале даныҟаз, 1200 даҟьа амузыка аиқәаҵәа ҳасабла иҩны далгеит. Апартитура оркестровка азыҟаҵара даҽа ҩымз иаҿын. Бизе ихаҭа уи алҵшәа даара игәаԥханы, иҩыза иахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы абас иҳәоит: «Сара иаԥысҵеит зегьы еилыкка, аԥсы ҭаны иахьыҟоу, ԥшшәы рацәалеи мелодиалеи иҭәу арҿиамҭа»! Арепетициақәа раан Жорж Бизе изныкымкәа амелодиа аԥсахра иқәшәон. Зны аоркестр анагӡаразы изалыршахом ҳәа иҟанаҵоз аҳәарала, даҽа зынгьы шәаҳәаҩцәак раҳәарала, амузыка аԥсахра иқәшәон иара убас атеатр анапхгара рыдҵалагьы. Аопера ақәыргылара ианаҿыз аамҭазы атеатр аҿы иҟаз аҭагылазаашьа даарак иманшәаламызт акомпозитор изы. Венсан д’Енди игәалашәарала, «Опера-Комик» ахадареи аперсонали Бизе «қәҿиара зқәашьым композиторны» дрыԥхьаӡон, «адиректор инаиркны аконсиерж иҟынӡа» «рыбӷа иеиадырхон». Аопера амузыкатә драматургиаҿы акрызҵазкуа аҭыԥ аанныркылараны иҟан зшыкьбжьы цәгьоу, есааира инеи-ааиуа, хаҿырацәала еилаԥсоу ауаа. Аха акомпозитор иихәыцыз ари асценатә еффект, «акомикатә опера» атрадициақәа иахьрышьашәаламыз иахҟьаны, ирыдрымкылеит, амузыкарҳәаҩцәеи актиорцәеи рганахьалагьы аҿагылара аиуит. Лассы-лассы арепетициақәа ирҭаауаз д”Енди ишиҩуаз ала, ибзиахәыз, аха иҵакыдаз атеатр атрадициақәа ирыдгылоз диу Локль изгәаҭомызт иҿыцыз, аинтерес зҵаз акомпозитор иазгәаҭарақәа ( иаҳҳәап, актәи ақәгылараҿы ахор асценахь иаразнак акәымкәа, хәҭа-хәҭала рцәырҵра). 1875 шықәса хәажәкыра 16 рзы, апремиера ашьҭахь 13 мшы анҵы ашьҭахь Галеви иҩуан аопера арепетициақәа анымҩаԥысуаз, даара еиуеиԥшымыз ацәаныррақәа дшеимаркуаз атәы. Азныказы артистцәеи иареи амузыка «иҭынчымкәа, еилахәазшәа» рбон. Аха есааира ақәыргыламҭа алахәцәа еиҳа-еиҳа еилыркаауа иалагеит «даара азҿлымҳара змоу, иҷыдоу апартитура» ахьынӡабеиоу иоригиналтәу аидеиақәа рыла. Аҵыхәтәантәи арепетициақәа ракәзар, «зынӡа иссирын»: «Ахәаԥшцәа раҳасабала иҟаз еснагьтәи аҭааҩцәа ракәын, урҭ зегьы хымз-ԥшьымз рҟынӡа иааиԥмырҟьаӡакәа ари амузыка аҩнуҵҟа иахьынхоз азы уи аԥшӡарақәа зегьы рныруан. Ҳарҭ зегьы инагӡаны агәра ганы ҳаҟан раԥхьатәи ақәгылара хәылԥазы шыссирхоз. Аха иааг!...» 1875 шықәса хәажәкыра мзазы Бизе икьыԥхьит авокалтә партитура. Аҭыжьымҭа Choudens иаанахәаз жьырныҳәамзатәи аверсиа иадкыланы уахәаԥшуазар, уи аҿы иубартә иҟан акрызҵазкуа аԥсахрақәа. Иара убас аԥсахрақәа ҟаҵан апремиера аан ицәыргаз адирижиортә версиаҿгьы, абасала, аҵыхәтәантәи авариант ыҟаӡам. Уи иахҟьаны Бизе игәҭакыҵәҟьа зеиԥшраз аганахьала, амузыкаҭҵааҩцәа рыбжьара аимак-аиҿакқәа иахьа уажәраанӡагьы ицәырҵуеит. Ишдыру еиԥш, Бизе убасгьы иԥсахит алибретто, уи ихатә жәеинраалақәа ациҵеит, насгьы репликақәак реишьҭагылашьагьы иԥсахит, избанзар Галевигьы, Мелиакгьы Мериме иновелла аҵакы рзеилымкааит азы аоригинал акырӡа ирыԥсахит ҳәа иԥхьаӡон. Уи Кармен илҳәо Хабанера атекст иԥсахит, насгьы иԥсахит ахԥатәи ақәгылараҿы амаца ахьдырԥо асценаҿы ароль хада ихәмаруа лажәақәагьы (асцена «Mêlons! — Coupons!»). Иара убас актәи ақәгылараҿы Сегидилиа алагамҭа даҽазнык иҩит. .Акомпозитор ари аопера апартитура изикит адирижиор Жиуль Падл, абас еиԥш иҟаз ажәақәа анҵаны: «Схәыҷқәа рыԥшьҩыкгьы рыхәԥҳа узы».Иҟалаз уи ауп, Падл Бизе исимфониатә рҿиамҭақәа ԥшьба: Скерцо, асимфониа «Рим», асиута «Арлезианка», иара убас аувертиура «Аԥсадгьыл» раԥхьаӡатәи рынагӡаҩ иакәын. Аперсонажцәа рҟазшьадырга Аопераҿы аперсонажцәа реиҳараҩык (хаҭала, асолдаҭцәа, аконтрабандистцәа, Миқаела, Ескамилио уҳәа) итрадициатәу ацәажәаратә опера азыҳәан итиптәқәоуп. Хозеи Кармени зынӡаск даҽаӡәқәоуп. Урҭ ижьышуа ақәылаҩи принцип змам агьангьаш ԥҳәыси рҟнытә рхаҿсахьақәа еиҳа иртатаны, Џьакомо Пуччини иҟазшьарбагоу аверизм астиль ала ишыӡбогьы, уи ажанр аҳәаақәа ирҭаӡаӡом. Уинтон Дин ишиԥхьаӡо ала, аопера аперсонаж хадас иҟоу Дон Хозе иоуп: «Ҳара ҳзызҿлымҳау Кармен лразҟы акәӡам, иара иразҟы ауп». Жорж Бизе имузыка инаҵшьны иаҳнарбоит аспектакль мҩаԥысуанаҵы, Хозе зыламыс цқьоу асержант иҟнытә дуаҩшьыҩны дшыҟало. Аопера афырхаҵа хада – персонаж заҵәыкуп, зхаҿсахьа аспектакль аҿы аԥсихологиатә, амузыкатә-драматә ҿиара зауа. Ақәгылараҿы уи ивокалтә партиа иаҵоу аеқспрессиа еиҳа-еиҳа иазҳауеит. «Гроув имузыкатә жәар» аҿы ишазгәаҭоу ала, « адрама афырхаҵа хада иеволиуциаҿы иаарԥшу аҟазара – лабҿаба шаҳаҭра ауеит Бизе иопера ашедеврқәа ишрыҵаркуа ала. Хозе иаамҷыдахаз егьырҭ аперсонажцәа рхаҿсахьақәа ус еиԥш аизҳара рымаӡам, урҭ ауаҩытәыҩса иҟазшьаҿы иҳәаақәҵоу ганк аазырԥшуа хаҿсахьа-символқәаны иҟоуп. Абасала, аопера аперсонажцәа шамахамзар рҽырыԥсахӡом: «Урҭ аиндивидуалтәра рыҭаӡам, идеиақәаны ауп ишцәырго – ахаҵеи аԥҳәыси – урҭ еиуеиԥшым рнырԥшра (Цунига – амчра, Тореадор – ақәҿиара, Хозе – зегь зымҽхазкуа ахатәы цәанырреи ахыбаареи, Кармен – иабсолиуттәу ахақәиҭра агәаҳәара)». Дин игәаанагарала, Кармен лхаҿсахьа «излагәылырҭәаау агәаӷьреи афаталтә хәыцшьеи амузыкаҿы ишашаӡа иахьаарԥшу иабзоураны, иарбанзаалак гьамадарак узаҵбаауам». Даҽа музыкаҭҵааҩык, Мина Киортисс лгәы азҩоит, Бизе имузыкаҿы иаԥиҵаз Кармен лҟазшьа ишаныԥшуа автор иҭаацәаратә ҭагылазаашьа имнахыз, аха ихаҭагьы изымдыруа ҩныҵҟала имоу ахақәиҭратә гәаҳәара». Гарольд Шонберг ишиԥхьаӡо ала, Кармен – Дон Жуан ԥҳәыстә версиоуп. Уи аԥсра еиҳа дақәшаҳаҭхоит, лара лзы акрызҵазкуа лдунеихәаԥшышьа аԥсахра аасҭа. Асоветтә музыкаҭҵаараҿы Кармени Хозеи рконфликт - акласстә позициа аганахьала иахәаԥшуан. Убас, Борис Асафиев иҩуан, аопера ҵакыс иамоу Кармен илымоу акласстәи аетикатәи мчы ҵаулеи Хозе инхаҩратә, ихазхатәратә ԥсихикеи реиҿагылара ауп ҳәа. Уи игәаанагарала, Бизе иаԥиҵеит зыԥсҭазаара ақәҵаны, Хозе имчымхаралатәи иегоизм мап ацәызкуа, ҳаԥхьаҟатәи адунеи иатәу, иҿыцу аԥҳәыс лхаҿсахьа шаша. Асафиев иазгәеиҭон Кармени Шеқспир и-«Отелло» аҟнытә Дездемонеи рхаҿсахьақәа маҷк реизааигәара. Здраматә ҷыдарақәа рыла даҽакы иузадымкыло Кармен лхаҿсахьа анагӡаразы иаҭахуп еиҭаҳәашьа змам абаҩхатәра ду. Уи аҭагылазаашьа лассы-лассы ицәырнагоит Кармен лроль назыгӡо ашәаҳәаҩ лыԥшаара иадҳәало апроблемақәа. Иаҳҳәап, Мариа Каллас, Кармен лпартиа шҭалҩызгьы, ахәаԥшцәа рҿаԥхьа уи лроль зныкгьы иналмыгӡаӡеит. Хьиу Макдональд ишиԥхьаӡо ала, афранцызтә операҿы ахааназ иҟамызт Кармен леиԥш заџьал ҳәаақәҵоу аԥҳәыс лхаҿсахьа, Франциа анҭыҵ уи илыдукылар ҟалоит Саломеиа - Рихард Штраус иопера аҟнытә, иара убас Лулу - Альбан Берг иопера аҟнытә. Идыруп, Жорж Бизе еснагь тәамбашақә дшазыҟаз атореадор Есқамилио изы ииҩыз амузыка. «Ирҭахыз ауп ироуз», - иҳәон уи аӡбахәала. Дин иажәақәа рыла, «амц ахьыҵәаху амузыкаҿы акәӡам, аҟазшьаҿоуп, Миқаела лпартиақәа рзы иҩу амузыка акәзар, акритикцәа уи ирҿиамҭақәа иреиԥшуп ҳәа ишырыԥхьаӡоугьы, «Шарль Гуно ифырԥҳәызбацәа зегьы раасҭа хараӡа еиҳау амч амоуп». Ақәыргыламҭақәа рҭоурых Анагӡаҩцәа ралхра мини|Селестина Галли-Марие — Кармен лпартиа раԥхьаӡатәи анагӡаҩ 1873 шықәса аԥхынразы Кармен лроль назыгӡашаз ашәаҳәаҩ лыԥшаара иалагахьан. Апрессаҿы лассы-лассы лыхьӡ рҳәон Зульма Буффар. Иҟалап уи Кармен лроль анагӡаразы лалхра алиббретистцәа еиҳа еиӷьыршьозар. Буффар Жак Оффенбах ирҿиамҭақәа рҿы ароль хадақәа рацәаны иналыгӡахьан, аха Камиль диу Локль уи Бизе иопера данаалом ҳәа иԥхьаӡеит. Абҵара мзазы ароль хада лыдыргалеит «Опера-Комик», Парижтәи амилаҭтә опера, иара убас Лондон уҳәа лықәгыларақәа рыла еицырдыруаз Мари Розе. Розе иаразнак ароль мап ацәылкит, асиужет ала Кармен асценаҿы дшыԥсуа анылдыр. Уаҟа ианрықәымҿиа, аспектакль авторцәа Селестина Галли-Марие лыҿцәажәара хацдыркит. Аиҿцәажәарақәа мызқәак имҩаԥысуан. Аҵыхәтәаны ашәаҳәаҩи диу Локльи еиқәышаҳаҭхеит. Галли-Марие асиужет арԥшқара аҭахӡам ҳәа Бизе имаз агәаанагара дақәшаҳаҭын. Ишдыру еиԥш, атеатр анапхгара асиужет еиҳа арԥшқаразы автор ишидыргалозгьы. Арепетициақәа анцоз, ишырҳәоз ала, ашәаҳәаҩи Жорж Бизеи рыбжьара ицәырҵит ароман. Ахаҵа ироль хада – Дон Хозе ироль анагӡара идырҵеит «Опера-Комик» аҿы иҩаҵхахаз, ааигәа уаанӡа Лео Делибеи  Жиуль Масснеи рспектакльқәа рҿы иқәгылоз аеҵәа ҿыц Поль Лери. Есқамилио ироль анагӡаразы иҭан Бельгиатәи абаритон қәыԥш Жак Буи. Буи усҟан инаигӡахьан Шарль Гуно иопера «Фауст» аҿы Мефистофель ироль, иара убасгьы далахәын Вольфганг Амадеи Моцарт иопера «Фигаро ичара». Миқаела лроль анагӡаразы иалхыз Маргарита, дышқәыԥшызгьы, Лондонтәи атеатр Друри-Леин аҿы қәҿиарала апартиа хадақәа налыгӡон. Аимпресарио Џьеимс Генри Меиллсон иидыруаз ашәаҳәаҩцәа зегьы рҟнытә зегь реиҳа агәыкра зҵоу ҳәа даликаауан. мини|слева|1875 шықәсазы  Journal amusantf аҿы икьыԥхьыз аопера аиллиустрациа Апремиера Арепетициақәа 1874 шықәса жьҭаара мзазы иахьзаламгаз, убри аҟнытә аханатә иазԥхьагәаҭаз аамҭа акыр инахысны иахьхыркәшахаз иахҟьаны, апремиера аҿҳәара наскьагахеит. Аҵыхәтәантәи арепетициақәа қәҿиарала имҩаԥысит, уи иабзоураны апремиера азгәаҭан 1875 шықәса хәажәкыра 3 рзы. Уи амш аҽны Жорж Бизе ианашьан Ҳаҭыр зқәуалегионтә орден. Апремиера аан дирижиорс дыҟан Адольф Делофр. Раԥхьатәи ақәгылара иаҭааит  Массне, Оффенбах, Делиб, Тома, Лекок, д’Энди , Гуно. Аҵыхәтәантәи иазгәеиҭеит Миқаела лариа азы амузыка Бизе иара иҿы ишиӷьычыз. Зыхьӡ азгәаҭоу акомпозиторцәа ирҷыдангьы, апремиераҿы иҟан еицырдыруа ауаа: адирижиор Жиуль Падлу, ашәҟәыҩҩцәа Альфонси Эрнести Додие, Александр Диума (аԥа), Лиудовик Галеви, аскульптор, аҭауад Паоло Трубецкой. Ахәаԥшцәа дыруаӡәкын Пиотр Чаиковски иҵаҩы, иҩыза  Владимир Шиловски. Уи аопера амузыкатә ҩаӡара убриаҟара агәахәара инаҭеит, иаразнакҵәҟьа аурыс композитор изишьҭит иҿыцны иҭыжьыз «Кармен» аклавир. Алиббретист Галеви иҩыза иахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы еиҭеиҳәоит аопера инаҭаз анырра. Уи иазгәеиҭоит актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара актәи ахәҭеи ахәаԥшцәа иԥханы ишрыдыркылаз атәы. Аха атореадор иариа ашьҭахь азал аҟнытә хьшәашәарак уныруа иалагеит. Ахԥатәи ақәгылараҿы Миқаела лариа заҵәык ауп рнапы ззеинырҟьаз, аҵыхәтәаны азал аҿы зынӡаск иҭынчран. Бизе игәшәы-мшәа зҳәоз аӡәык-ҩыџьак иҩызцәа ракәын. Даниель Галеви (алибреттист иԥа) ишиҩуаз ала, апремиераҿы иҟаз ахәаԥшцәа «рҽеиҩыршеит, амузыка иаргачамкны, асиужет ареалра иаршанханы». Ԥыҭрак ашьҭахь акритик Ернест Ниумен иазгәеиҭон, агәыԥша-хыԥшаара зҟазшьоу ахәаԥшцәа аршанхеит имҩаԥысуаз ахҭысқәа рреалтәра, аперсонажцәа реиҳараҩык рсоциалтә ҭагылазаашьа алаҟәреи рмораль аԥсыҽреи ҳәа. Бенџьамен Годар иажәақәа рыла, Бизе ианидиныҳәала, уи иаахжәаны аҭакс: «Иумбаӡои, арҭ абуржуаа дара рзы изҩыз сусумҭа аҟнытә инареицәоу ажәакгьы шырзеилымкааз?» - ҳәа шиеиҳәаз. Жиуль Массне иакәзар, Бизе идныҳәало, изишьҭыз анҵамҭаҿы иҩуан: «Насыԥ ду шәымазароуп уажәы – ари қәҿиара дууп!» Адырҩаҽны апремиера иазкны апрессаҿы жәа ҟәандак анырымҵеит: агәаанагарақәа зегьы агәкаҳареи ақәыӡбареи рыбжьара акәын иахьыҟаз. Аконсервативтә критикцәа аԥҵамҭа ианыԥшуаз «авагнеризмра» иазашшуан, аха ақәыӡбарақәа зегьы реиҳарак зыдҳәалаз Кармен лхымҩаԥгашьа, уи дыԥхамшьа-хыхҩны дахьаарԥшыз акәын. Критикк Галли-Марие иаалырԥшыз ахаҿсахьа зынӡаскгьы «агра бааԥсқәа зегьы ирдыргоуп» ҳәа дахцәажәеит. Уи лынагӡашьа иазкны газеҭк аҿы абас еиԥш ирыҩуан: «Заҟа ииашоузеи, аха изакәытә ҭыӡшәоузеи!» Егьырҭ ари ақәыргыламҭа усҟантәи аамҭазы зрепертуар традицианы иҟаз, Даниель Обери Франсуа-Адриена Бульадиеи рықәыргыламҭақәа ирҿырԥшны, «Кармен» урҭ зынӡаск иахьреиԥшымыз азы иақәыӡбон. Леон Есқиудие ажурнал L’Art Musical  аҿы абас еиԥш иҩуан: «Игәырҿыӷьгоуп, имамиқәароуп… аахан иҟамло ушазыԥшу улымҳақәа ааԥсоит». Иубон, Бизе ишилымшаз ари аопера Оффенбах ирҿиамҭақәа (урҭ ирыҿдырԥшуан, избанзар алибретто зҩыз рыхьӡқәа уаанӡа уи акомпозитор ихьӡ акәын изыдҳәалаз), мамзаргьы Вагнер идрамақәа (ус иҟаз дреиуан акритик Адольф Жиулиен) иреиԥшхоит ҳәа иазыԥшыз ргәыӷрақәа рынагӡара. Егьырҭ лассы-лассы иуԥылоз ареценциақәа рҿы иаабоит: Аповест аҿы Кармен лҭахара иаанаго, иҟалҵахьаз ацәгьаурақәа зегьы рзы ақәнага лаақәыршәароуп. Уи Хозе дымҩахҟьаны ацәгьаура мҩа дықәылҵоит. Уи лыԥсра - лымшала иҭахаз зегьы ршьауроуп; араҟа акәзар (аопераҿы), зынӡа даҽакала иҟоуп, Кармен изаҟаразаалак акы лхараны даарԥшым. Акызаҵәык, аҳәса рахь инамыцхәны згәы зыхо асолдаҭ лхы бзиа иахьилырбаз мацара ауп харас илымоу. Лара хара змамкәа иҭархоу аӡә лакәны даарԥшуп, ацәгьауаҩыҵәҟьа – лара дызшьыз иоуп.Скромные матери, почтенные отцы семейства! С верой в традицию вы привели ваших дочерей и жен, чтобы доставить им приличное, достойное вечернее развлечение. Что испытали вы при виде этой проститутки, которая из объятия погонщика мулов переходит к драгуну, от драгуна к тореадору, пока кинжал покинутого любовника не прекращает её позорной жизни. Аҵыхәтәантәи ахҳәаа зеиӷьаҭам ала иунарбоит усҟантәи аамҭазы акритикцәа Бизе ирҿиара заҟа ирзымдыруаз, иагьырзеилымкаауаз. Акомпозитор ибиограф Анна Хохловкина илыҩуан: «Еилкаам араҟа акритикцәа зыӡбахә рымоу. Иҟалап, арецензиа автор «Арлезианкеи» «Кармени» еилаҵаны дрыхцәажәозар, аха уигьы егьигьы издырӡом». Акритикцәа рыбжьара иҟан Бизе иопера иадгылақәазгьы: апоет Ҭеодор де Банвиль гәахәарылеи напеинҟьаралеи идикылеит аопера, иагьазгәеиҭон, «абыржәоуп амарионеткақәа рцынхәрас, асценаҿы иреалтәу аҳәсеи ахацәеи анаҳдырбаз» ҳәа. Уи аҭакс  «аопера иазкны ииҩыз «ухызхуа астатиазы» иҭабуп ҳәа иаҳәо, акомпозитор уи изишьҭыз анҵамҭа абас еиԥш аниҵеит: «Сара агәадура ду снаҭоит иахьсылшаз ас еиԥш иссиру афантазиа агәаҳәара аҭара». Хәажәкыра 10 рзы Камиль Сен-Санс Бизе изишьҭит абас еиԥш зныз анҵамҭа: «Аҵыхәтәан, сара избеит «Кармен». Аиаша шәасҳәоит, иссируп ҳәа исыԥхьаӡоит». Уи аҭакс Бизе иҩуан, «Кометонааи, Лозиерааи уҳәа егьырҭ аҟамлақәеи ицәа анихырхуа аамҭазы, «ламыс цқьа злоу асахьаҭыхҩы инапы аҵаҩны иааишьҭыз» ахҳәаа ҳәаа амамкәа игәы шышьҭнахыз атәы: «Насыԥ змоу, гәадурала иҭәу уаҩны сҟауҵеит, гәыкала усгәыдсыҳәҳәалоит» ! мини|Емилиа Амбр Кармен лроль аҿы. Едуард Мане иҭыхымҭа (1880) Арҿиамҭа «Опера-Комик» аҿы раԥхьатәи арбара ажиотаж дук цәырнамгаӡеит; «Кармен» ақәыргылареи акырӡа еиҳа ақәҿиара змаз Џьузеппе Верди и-«Реквием» ақәыргалареи аамҭакала еиқәшәеит. Аиҿкааҩцәа хыԥхьаӡара рацәала абилеҭқәа ҳамҭас ахәаԥшцәа ианырзыршозгьы, азалқәа бжеиҳан иҭацәын. 1875 шықәса рашәара мза 3 рзы, ашьжьымҭан Жорж Бизе иаалырҟьан иԥсҭазаара далҵит, игәыхь иахҟьаны. Усҟантәи аамҭазы аопера «Кармен» 33-нтә ахәаԥшцәа иддырбахьан. Уи иԥсҭазаара иалҵра иахҟьаны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәзаргьы, аопера ашҟа ауаажәларратә зҿлымҳара акыр иазҳаит, атеатртә сезон нҵәаанӡа. 1875 шықәса абҵара мзазы аопера арепертуар ашҟа ирхынҳәын, уи аоригиналтә нагӡара ала даҽа 12-нтә идырбан. Абасала, аопера 48-нтә иддырбеит. Дук мырҵыкәа апремиера ашьҭахь иахәаԥшыз Иван Тургенев ари аопера анырра ӷәӷәа инаҭеит. 1875 шықәсазы Бизе иаамҭанымкәа иԥсҭазаара дахьалҵыз игәы иалсны, уи исалам шәҟәқәа руак аҿы иҩуан: «Гуно и-«Фауст» аамышьҭахь Франциа ицәырҵхьо зегьы рҟнытә - ари аопера зегь реиҳа иоригиналтәуп» ҳәа. 1876 шықәса жьырныҳәа 8/20 рзы имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи аспектакльқәа рҿы дыҟан Пиотр Чаиковски, иашьа Модест Чаиковски дицны. Ашьҭахь Модест Чаиковски иҩуан: «Шамахамзар исымбацызт сашьа атеатртә қәгылара абасҟак игәы архыҭ-хыҭуа!» ҳәа. Аурыс композитор ари аопера аклавир Шиловски иҟнытә ианиоу инарҵауланы иҭиҵааит. 1880 шықәсазы Надежда фон Мекк лахь ииҩыз асалам шәҟәы аҿы уи дгәырӷьаҵәа абас аопера дахцәажәоит: Бизе иопера - шедевруп. Уи, епоха дук иҟанаҵоз амузыкатә ҽазышәарақәа ӷәӷәаӡаны изныԥшуа, зеиԥшыҟам акык-ҩбак арҿиамҭа лыԥшаахқәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа еицырдыруа операны иҟалоит… П.И.Чаиковски. 1880 шықәсазы Чаиковски иашьа ишҟа иҩуан, аопера ахы инаркны аҵыхәанӡа ишихәмарыз, иара убасгьы « мцабзны сгәаҿы дырҩегьых иҿыцны ицәырҵит ари аопера ссир ашҟа абзиабареи аџьашьареи» ҳәа. Убасҟан уи ихаҿы иит «ари аопера ҳаамҭазы зегь иреиҳау лирикатә-драматә рҿиамҭазар ҟалап» ҳәа ахшыҩҵак зныԥшуаз астатиа аплан. Аха уи астатиа џьаргьы икьыԥхьӡамкәа иаанхеит, автор уи аҩразы иԥышәа азымхар ҳәа дахьшәоз иахҟьаны. Аха иашьа иахь ииҩыз ашәҟәы аҿы аурыс композитор, Бизе «уацәымшәакәа, игениалтәу композиторуп» ҳәа изуҳәар шалшо азгәаҭо, иҩуан: «Bizet  - зшәышықәса агьама абжьысра азгәазҭо, игениу композиторуп ҳәа изуҳәар алшоит, аха уи мцы злам ацәанырреи агәаҳәареи рыла дырԥхоуп». 1883 шықәсазы иҩу исалам шәҟәы аҿы уи игәалаиршәоит уаанӡа Александр Серов и-«Иудифь» ашҟа имаз абзиабара шаԥсахыз «Бизе иопера ашҟа изцәырҵыз алаԥсра аҟынӡа дназго, ацәанырра ду изцәырҵыз, «абар хымшуп уи дааҟәымҵӡакәа ахы инаркны аҵыхәанӡа иаирҳәоижьҭеи». Егьырҭ ақалақьқәа рҿы дырбареи ақәыргыламҭа арҿыцреи мини|слева|Акомпозитор Ернест Гиро  иаԥиҵеит аречитативқәа зцу аопера авариант Жорж Бизе иԥсра дук бжьамкәа инапы аҵаиҩит «Кармен» Венатәи аҳәынҭқарратә операҿы ақәыргыларазы аконтракт. Акомпозитор иҩыза Ернест Гиро адиалогқәа аречитативқәа рыла иԥсахит. «Кармен» аопера ду аԥшра аиуит, уи аҩбатәи ақәгылара аҿы ицәырҵит Бизе ирҿиамҭа «Арлезианка» амузыка шьаҭас измаз абалеттә сцена. Ас еиԥш иҟаз адаптациа аҟаҵара аан апрозатә диалогқәак ркьаҿтәхеит, уи, асоветтә музыкаҭҵааҩы Иван Соллертински ишазгәаиҭо ала, «уамашәа ихшыҩркны иҩу аоперазы алибретто» аҿы ицәырнагеит џьарак-ҩыџьарак асиужеттә еиқәымшәарақәак. Вена раԥхьатәи арбарақәа раламҭалазы австриауаҩ Франц фон Иаунер аоригиналтә диалогқәеи Гиро иверсиа аҟнытә аречитативқәеи еилаҵаны иаԥиҵеит еилаӡҩоу аверсиа. Ус еиԥш иҟаз ақәыргыламҭақәа анаҩс ашәышықәса зегьы аларҵәара бзиа роуит. Жорж Бизе иопера раԥхьатәи авариант иаҿырԥшны аԥсахрақәа шыҟазгьы, 1875 шықәсазтәи Венатәи ақәыргыламҭа ақәҿиара ду аиуит. Аҭыԥантәи ахәаԥшцәа аопера даара иԥханы иахьрыдыркылаз адагьы, аопера арҽхәаратә хҳәаа аиуит Рихард Ванери Иоҳанесс Брамси рҟнытә. Аамҭак ицаныз иколлегацәа аӡәырҩы ирызкны иҟаиҵоз иҳәамҭа мҽыӷқәа рыла еицырдыруаз Вагнер - афранцыз композитор иусумҭа абас еиԥш дахцәажәеит: «Анцәа иџьшьаны, аҵыхәтәаны дцәырҵит зхы аидеиақәа ҭоу ауаҩы!». Брамс иакәзар, еицырдыруа Вагнер имузыкатә ҿагылаҩы, аопера 20-нтә дахәаԥшхьан. Уи иҳәон: «Адгьыл аҵыхәанӡагьы сцон Бизе игәыдкыларазы» ҳәа. Уи 1882 шықәсазы Фриц Зимрок иахь ишиҩуаз ала, Брамс даара иҭахын аопера апартитура аиура, аамҭала акәымкәа ихатәны: «Даара исҭахын исымазарц, избанзар уи, ииашаны, иссиру рҿиамҭоуп, сара сзы даара акыр иаԥсоуп, азҿлымҳара дугьы амоуп». Венатәи атриумф ала иалагеит аопера адунеитә хьӡы-ԥша ашҟа ахалара. Анаҩс, 1876 шықәса жәабран мзазы иҟан Бриуссельтәи атеатр Ла Монне аҿы аопера дырбара, шықәсык ашьҭахь ари аопера уи атеатр еснагьтәи арепертуар иаларҵеит. Галли-Марие ароль хада налыгӡон. Уи ашьҭахь Лондонтәи Лара Лаҳаракыра атеатр аҿы иалыршан ари аопера ақәыргылара. Уаҟа акыр шықәса Кармен лроль налыгӡон Минни Хаук. Ақәҿиара ду аиуит иара убасгьы Дублинтәи Лара Лаҳаракыра атеатр аҿы инагӡаз аопера италиатәи аверсиа. Даҽа қәыргыламҭак, Британиа Ду аҳҭны қалақь атеатр Ковент-Гарден аҿы иаҟәыхын Аделина Патти ароль мап анацәылк ашьҭахь. 1876 шықәса жьҭаарамза 23 рзы Ниу-Иорктәи Амузыкатә академиаҿы имҩаԥысит аопера апремиера. Анаҩстәи хәышықәса рыҩныҵҟала ари аопера ықәыргылан европатәии америкатәии атеатрқәа рҿы ирацәаны, Урыстәылагьы уахь иналаҵаны. 1883 шықәсазы аопера еиҭашьақәдыргылеит «Опера-Комик» арепертуар аҿы. Апартиа хада налыгӡон Адель Изаак. Асиужет иаиуз аԥсахрақәа ирылҵшәаны, аоригиналтә қәыргыламҭаҿы аимак-аиҿак зхылҿиаауаз ашәымҭақәа зегьы амхын. Уи азы акритикцәа Карвалио даара иқәыӡбеит. Урҭ ишырыԥхьаӡоз ала, уи иқәиргылеит «ашедевр апародиа»; аха ус шакәызгьы, ахәаԥшцәа аопера гәахәара дула ирыдыркылеит. Акритикцәа рзеиӷьашьарақәа азгәаҭаны, ашьҭахь Карвалио ипозициа даҽа блакала дахәаԥшит, уи Галли-Марие ароль хада дахьыхәмаруаз 1875 шықәсазтәи ақәыргыламҭа дазыхынҳәит. 1894 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ароль хада налыгӡеит Емма Кальве. Адунеизегьтәи ақәҿиара мини|Ирина Архьипова (Кармен) ,  Владислав Пиаявко (Хозе) Большои театр аҿы (1972) Урыстәыла раԥхьаӡа акәны аопера «Кармен» дырбан 1878 шықәса жәабран 16 рзы Санкт-Петербург Большой Каменный театр асценаҿы (аспектакль назыгӡоз италиатәи атруппа акәын). Быжьшықәса рышьҭахь, 1885 цәыббра 30 рзы Мариинтәи атеатр аҿы имҩаԥысит раԥхьатәи аспектакль. Москва раԥхьаӡа акәны аопера «Кармен» дырбан 1898 шықәса абҵара 27 рзы Большои театр аҿы; уи ақәыргыламҭа режиссиорс даман Антон Барцал, дирижорс – Ипполит Альтани, Кармен – Елизавета Азиорскаиа. Цунига ипартиа наигӡон акомпозитор Игор Стравински иаб – Фиодор Стравински. 1922 шықәса лаҵара 15 рзы «Большои» асценаҿы ицәырыргеит ақәыргыламҭа ҿыц, уи напхгаҩыс даман адирижиор Виачеслав Сук; 1924 шықәсазы араҟа раԥхьаӡа акәны апартиа хада налыгӡеит Мариа Максакова. Иаарласны Урыстәыла ари аопера зегь реиҳа ирпертуартәны иҟалеит. Убас, 1890-тәи ашықәсқәа рзы аопера қәҿиара дула ицон апровинциатә театрқәа жәпакы рҿы - Казань, Саратов, Киев, Пермь. Иазгәаҭатәуп, 2019 шықәсанӡа иҳаԥхьаӡозар, Бизе иопера Большои театр асценаҿы мацара жәантә иқәыргылан!. Аҵыхәтәантәи апремиера мҩаԥысит 2015 шықәса ԥхынгәы 15 рзы (арежиссиор Алеқсеи Бородин, адирижиор Ҭуӷан Сохьиев, Кармен – Гәында Кулаева). Апартиа хада назыгӡахьоу Урыстәыла еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа рҟнытә иалыркаауеит Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Ҭамара Синиавскаиа, Ирина Архьипова. 1908 шықәсазы Санкт-Петербургтәи Мариинтәи атеатр асценаҿы иқәыргылаз ари аопера адекорациақәа аԥиҵеит ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы Большои театр аҿы инареиӷьу ақәыргыламҭақәа аԥызҵахьаз Алеқсандр Головин; уи ақәыргыламҭа ари атеатр аҿы инареиӷьу аспектакльқәа ируакхеит. Асоветтә аамҭазы адунеитә оператә классика зегьы аҟнытә ари аопера иҷыдоу аҭыԥ ааннакылеит. Еицырдыруа иҟалеит Горки ипарк аҿы москватәи Зеленыи театр аҟны 1935 шықәса, лаҵара 13 рзы иқәдыргылаз акы иаламҩашьоз аспектакль. Уи иалахәын зықьҩык инареиҳаны ауаа, зныкала иахәаԥшуан жәанызықьҩык. Апрессаҿы ирацәаны коллектив ҳасабла ақәҿыҭрақәа аиуит, агазеҭ «Рабочаиа Москва» адаҟьақәа рҿы ианырҵеит иҟазшьадыргоу ахьӡ змаз астатиа – «Аопера «Кармен» арецензиа». Уи рыҩуан 6-нызықьҩык ахәаԥшцәа. Ари аопера даараӡа бзиа ирбеит Германиа, уаҟа аканцлер Отто фон Бисмарк ари аопера 27-нтә дахәаԥшхьан, Фридрих Ницше агәырӷьара ду изнарҵысит дыззыӡырҩыз аопера, уи Бизе имузыка ишьахәӡоу акакәны иԥхьаӡон. Афилософ ишышьақәирыӷәӷәоз ала, иара ихаҭагьы «зегь иреиӷьу уаҩхоит абри Бизе дансацәажәо». Иусумҭа «Вагнер иказус» (1888) аҿы Ницше Рихард Вагнер ирҿиамҭақәа ирҿаиргылоит аопера «Кармен». Уи ишазгәаиҭо ала, Бизе иаԥиҵаз, цәаныррала иҭәу, иԥсабаратәу «Аладатә музыка» иаҿагылоуп ихьшәашәоу, ицәааку, сентиментла иҭәу, ихыҭҳәаау Вагнер «Аҩадатәи имузыка»: «Араҟа ицәажәоит даҽа цәаныррақәак, даҽа лахҿыхрак. Ари амузыка лахҿыхуп: аха афранцызтә, мамзаргьы анемецтә хәмартә лахҿыхрала акәымкәа. Уи алахҿыхра африкантәуп; уи аџьал ақәыӷәӷәоит, анасыԥгьы даараӡа икьаҿуп, иаалырҟьаны, рыцҳашьарак змам акакәны иҟоуп». 1908 шықәсазы Берлин Кармен лроль налыгӡеит Емма Дестинова, 1912 шықәсазы Штутгарттәи аопера асценаҿы ароль хада раԥхьаӡа акәны иналыгӡеит швециатәи ашәаҳәаҩ Сигрид Онегин. «Кармен» ықәыргылан Франциа ақалақьқәа жәпакы рҿы: Марсель, Лион, Диеп. 1881 шықәсазы Галли-Марие ароль хада анагӡаразы Диепҟа дхынҳәит. 1881 шықәса нанҳәа мзазы уи Бизе иԥҳәыс лахь ишылыҩуаз ала, испаниатәи апремиера Барселона уаҩ иимбац ақәҿиара ду аиуит. Опера-Комик анапхгара нызкылаз Леон Карвалио, ари аопера аморалтә ҟазшьа амоуп ҳәа иԥхьаӡаны, арепертуар аҿы аиҭашьақәыргылара мап ацәикуан. Мелиаки Гелиавии ақәыргыламҭа арҿыцра иақәшаҳаҭын, аха Галли-Марие даламырхәыкәа. Уи раԥхьатәи апремиера ахьқәҿиарадахаз азы ахара лара илыдырҵон. Ги де Мопассан иочерк «Сицилиа» (1885) аҿы ишиҩуаз ала, италиатәи адгьылбжьахаҿы сицилиаа «уамашәа иаргәырӷьоит» Бизе иопера, уаҟа шьыжьы инаркны ҵхыбжьонынӡа иуаҳалар алшоит, «амҩадуқәа рҿы амҩасцәа ишырҳәо еицырдыруа «Тореадор» иашәа». мини|Џьеральдина Фаррар, Енрико Карузо,  Пасқәуале Амато  Ниу-Иорк (1915) 1884 шықәса жьырныҳәа 9 рзы Ниу-Иорк Метрополитен-опера асценаҿы имҩаԥысит ари аопера апремиера. Уи апрессаҿы иаиуз ақәҿыҭрақәа еиуеиԥшымызт. The New York Times  аҿы ақәыргыламҭа «агәахәара унаҭоит, иеффекттәуп», ҳәа азырҳәеит, аха апартиа хада назыгӡаз Селиа Треббели, Минни Хаук дылҿурԥшуазар, лыхәмарра уиаҟара иргәамԥхеит. Анаҩс «Кармен» иаарласны Метрополитен-опера еснагьтәи арепертуар иаларҵеит, 1885 шықәсазы ароль хада налыгӡеит Лилли Леман. 1906 шықәса жәабран мзазы Енрико Карузо раԥхьаӡа акәны инаигӡеит Хозе ироль, уи ари апартиа анаҩсгьы, 1919 шықәса рҟынӡа асценаҿы инаигӡон. 1906 шықәса мшаԥымза 17 рзы агастрольқәа раан уи Сан-Франциско аоператә театр аҿы инаигӡон Хозе ипартиа, уи ашьҭахь шырԥазынӡа иара изкны ирыҩуаз арецензиақәа дрыԥхьон, даҽа ҩ-сааҭк рышьҭахь ақалақь аҿы адгьылҵысра ҟалеит, ашәаҳәаҩцәагьы ццакны асасааирҭа нрыжьыр акәхеит. Анаҩс Ниу-Иорктәи асценаҿы апартиа хада нарыгӡон Роза Понсель (1935), Џьорџь Баланчин ихореогарфиа зцыз ақәыргыламҭаҿы, Џьенни Турель (1937), Ризе Стивенс (ароль хада налыгӡон 1946 шықәса инаркны 1961шықәса рҟынӡа). Америка аопера «Кармен» аларҵәара жәашықәсала абиԥарақәа еимдо иааргоит. 2011 шықәсазы Метрополитен-опера асценаҿы ари аопера зқьынтә идырбан. Ари аопера аларҵәара ахьамаз Америка мацара акәмызт, адунеи атәылақәа жәпакы рҿы қәҿиара дула имҩаԥысуан. Актәи ақәгылара аҟнытә Хабанера, иара убас аҩбатәи ақәгылара аҟнытә атореадор икуплетқәа адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу аоператә ариақәаны иҟалеит. Франциа анҭыҵ иалыршаз ақәыргыламҭақәа реиҳарак шьақәыргылан «еилаԥсоу» Франц фон Иаунер иверсиа иқәныҟәаны, урҭ зегьы рбеиан абалеттә сценақәеи антрактқәеи рыла. Иара убри аамҭазы 1919 шықәсазы КАмиль Сен-Санс ишазгәеиҭоз ала, аопера абалет ацҵара гра бааԥсуп ҳәа иԥхьаӡон, иагьџьеишьон усҟан зыԥсы ҭаз Бизе иԥҳәыс урҭ рықәыргылара дахьақәшаҳаҭхоз. мини|слева|Магдалена Кожена (Кармен) , Ионас Кауфман (Хозе) Зальцбург (2012) 1883 шықәсазы «Опера-Комик» аҿы аопера «Кармен» ирҿыцны еиҭа ианықәдыргыла ашьҭахь, еснагь ихәмаруан раԥхьатәи адиалогтә вариант аҿы, амузыкатә «рԥшӡагақәа» шамахамзар иаламҵакәа. 1888 шықәсазы Жорж Бизе диижьҭеи 50 шықәсазтәи аиубилеи азы уи иопера ари асценаҿы 330-тәи аспектакль ихәмарит. 1891 шықәсазы уи 500-тәи аспектакль, 1904 шықәсазы – 1000-тәи аспектакль. 1938 шықәсазы ахәаԥшцәа идырбан уи аопера 2271-тәи анагӡара. Габриель Форе 1904 шықәсазы аопера зқьынтә асценаҿы дырбара иазкны ииҩыз истатиаҿы иазгәеиҭон, уи апремиера, ҳәарада, иалшон «Опера-Комик» абжьааԥнытәи ахәаԥшцәа аршанхар, џьашьахәыс ирбар, насгьы ари атеатр атрадициақәа даарак ирышьашәаламкәа ирбар ҳәа. Уи иҩуан: « Аха иахьагьы еилкаашьа змамкәа иҟоу, излаҟалазеи илашоу, ԥшшәы рацәала еилаӡҩоу, ацәанырра иаша узцәырызго, уамашәа игәыкыу Бизе имузыка раԥхьаӡа ианцәырҵ нахыс ахәаԥшцәа ахьыхнамхыз; излаҟалазеи абас еиԥш адраматизм злоу, апатетикеи, акырӡа зымчу ацәанырра ӷәӷәеи аазырԥшуа аопера ахәаԥшцәа ргәы амырхыҭ-хыҭуа?!» Аречитативтә версиа акыр шықәса инорманы, иахәҭоуп ҳәа иҟан. Раԥхьатәи иҿыцу адиалогқәа рверсиақәа рыла иҟаҵоу еицырдыруа ҿырԥшқәаны иҟалеит Лондонтәи Карл Роза иоператә компаниа (1947), иара убас Берлинтәи «Комише опер» (1949). Аха урҭ аҿыцԥшьгарақәа нарха дук рмоуӡеит, уи аганахьала 1953 шықәсазы Ковент-Гарден аҿы иҟаҵаз аҽазышәарақәа азныказы иманшәалахазшәа ишыҟалазгьы. Америкатәи Колорадо аҿы иаԥҵаз ақәыргыламҭагьы разҟыла урҭ иреиԥшхеит. Уинтон Дин ишазгәеиҭоз ала, адиалогқәа рыԥсахразы иҟарҵо аҽазышәарақәа адраматә хәҭа еицанакуан: аопераҿы абжьқәа ихиааланы акәымкәа, ирҭрысны иааҩуеит; ихадам аперсонажцәа ррольқәа еиҵахоит. ХХ-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы адиалогқәа зцыз аверсиақәа аларҵәара роуит Франциа анҭыҵ, аха ХХ1-тәи ашәышықәсазы иуԥылоит еиуеиԥшым ақәыргыламҭақәа. Фриц Езер иқәыргыламҭа урҭ апроблемақәа зегьы ханарҭәаар акәын, аха уигьы қәҿиарак амоуит. Избанзар Жорж Бизе раԥхьатәи арепетициақәа рышьҭахь иамихыз афрагментқәа Езер иширхынҳәызгьы, ҳасаб рзимуит уи ашьҭахь шықәсы рацәала имҩаԥгаз аԥсахрақәа. Уи иалҵшәаны, Сиузен Мааклари игәаанагарала, «иаанханы иҟоуп аопера актәи авариант, уи дырны ишыҟаҵамгьы». ХХ1-тәи ашәышықәсазы ицәырҵит Роберт Дидиони Ричард Лангем-Смити иаԥырҵаз авариант ҿыцқәа. Уи ркьыԥхьит Шотти Питерси. Аҩ-варианткгьы Бизе 1875 шықәсазы иаԥиҵаз авокалтә партитура акырӡа иеиԥшым. Амузыкаҭҵааҩы Хиу Макдональд ишиԥхьаӡо ала, Бизе иопера амузыка иамоу агәынкылара бзиа уи ԥсра ақәымкәа иҟанаҵоит, аоператә классика ҳәа иамоу астатус акәзар, иарбанзаалак гәыҩбарак унаҭом. Аопера «Кармен» иахьа уажәраанӡагьы зегь реиҳа еицырдыруа театртә қәгылароуп. Уи ақәыргылара рнапы алакын «Кармен» 1978 шықәсазы Венатәи аопера асценаҿы иқәзыргылаз Франко Ӡеффирели иеиԥш иҟоу аҟаза дуцәа. Ӡеффирели иқәыргыламҭаҿы иҟан идууз, ихьанҭаз адекорациақәа. Урҭ ирҷыдангьы, уи асцена ҭирҭәаауан ауаа рацәа рыла, уимоу асценаҿы аԥстәқәагьы ыҟан. Анаҩс Ӡеффирели Арена ди Верона асценаҿы иқәиргылеит «Кармен». Единбурги, Гамбурги, Милани Бизе иопера ақәыргылара аус адиулон Пиеро Фаџьони, Циурих – Жан-Пиер Поннель. Ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа акык-ҩбак аимак-аиҿаки акритикеи цәырыргоит. Убас, Парижтәи амилаҭтә операҿы 2013 шықәсазы арежиссиор Ив Боне иқәиргылаз аспектакль аҿы аопера ахҭысқәа ыиагоуп ҳаамҭазтәи Испаниаҟа. Ари аспектакль ргәы ԥнажәеит ахәаԥшцәагьы, иара убас амассатә информациатә хархәагақәагьы. Зны-зынла ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа рҿы Бизе иопера афырԥҳәызба хада злахьынҵа қәашьхаз аԥҳәыс лцынхәрас «афеменизм џьарҵас даманы» иҟарҵоит. Урыстәыла иқәыргылаз ҳаамҭазтәи ақәыргыламҭақәа рахьтә иалыркаауеит Большои театр аҿы иқәыргылаз аспектакльқәа. 2008 шықәса азы иқәыргылаз аспектакль шьаҭас иаман 1875 шықәсазтәи Жорж Бизе «ицәажәаратә» аоригинал. Уи аҿы ахҭысқәа абордель ашҟа ииагоуп. 2015 шықәсазтәи ақәыргыламҭа Гиро «иречитативтә» версиа иашьашәаланы иҟаҵоуп. 1996 шықәсазы Мариинтәи атеатр аҟны иқәыргылаз аспектакль аҿы аԥхьатәи аплан ахь ицәырҵуеит аконтрабандистцәеи Мануелитеи, арежиссиор иӡбеит урҭ «еқс-Кармен» ҵас рцәыргара. Амузыка Х1Х-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аопера дахцәажәо, Ерве Лакомб иазгәеиҭоит, «Кармен» - зхыԥхьаӡара даараӡа имаҷу, аамҭа иԥнашәаз аоперақәа ируакуп ҳәа. Лакомб ари аспектакль ацәажәаратә опера атрадициақәа инагӡаны ирышьашәалоуп ҳәа иԥхьаӡозар, Хиу Макдональд игәаанагарала, уи ари ажанр аҳәаақәа ирҭыҵуеит. Уи ишиԥхьаӡо ала, ари аопера иамоу «узыршанхо амелодиа рацәа реилаӡҩареи, иҟазаратәу агармониеи, идеалтәу аоркестровкеи» роуп уи аамҭак иатәны акәымкәа, инаугӡаны иҟазҵо». Уинтон Дин игәаанагарала, Жорж Бизе иқәҿиаз ирхаданы иҟоуп аопераҿы ихадоу ахҭысқәа зегьы адиалогқәа рыцхыраара ала акәымкәа, амузыкаҿы еффектла раарԥшра ахьилшаз ҳәа: « «Имаҷҩуп, ас еиԥш иаартны абзиабареи ахыбаареи ицәырырго ахьааи ацәаныррақәеи шашаӡа иаазырԥшуа арҿиаҩцәа». Амузыкаҭҵааҩы Бизе дырҿирыԥшуеит зырҿиамҭақәа рҿы аперсонажцәа ремоциақәеи рхьааи ахәаԥшцәа аҵанӡа ирныруа аҟаҵара зылшо акомпозиторцәа Моцарти Вердии. Аопера адраматургиа шьаҭас иамоуп аперсонажцәа хадақәа рхаҿсахьақәа динамикала реизҳара. Уи хымԥада анагӡаҩцәа ирыднаҵоит иҷыдоу авокалтә лшарақәеи актиортә баҩхатәреи амазаара. Изныкымкәа Хозе ипартиа назыгӡахьаз ашәаҳәаҩ Алеқсандр Востриаков иазгәеиҭон, ари ахаҿсахьа акыр «ишыуадаҩу, аиԥшымзаарақәагьы рацәаны ишамоу» , уи анагӡаразы ишаҭаху адраматә ҟазареи алирикатә гәызианреи: «Афырхаҵа иемоциатә гәырҩақәа рымҽхак аарԥшразы иаҭахуп даара илакьуа, еихатыруа абжьы». Бизе имузыкеи алибреттои иҟазшьарбаганы ирымоу аҷыдарақәа ируакуп аперсонажцәа риндивидуалтә хҭысқәеи рхаҿсахьа аҿиареи еиуеиԥшым амассатә сценақәа рфон аҿы иахьымҩаԥысуа. Уи алшара ҟанаҵоит ахҭыстә планқәа акымкәа-ҩбамкәа реилагӡара. Зхала иҟоу аномерқәа хыԥхьаӡарала иахьеиҵоу иаҷыдангьы, урҭ рдраматә ҿиара, ԥҟаррак аҳасабала, ахортәи амассатә сценақәеи ирылаҵаны ауп ишымҩаԥысуа. Алитератураҿы иазгәарҭоит, ас еиԥш иҟоу аилазаашьа ҩынтәтәи аеффеқт шыҟанаҵо: «еиԥмырҟьаӡакәа аҿиара иаҿу ахҭыси аопера амассатәреи аланарԥшыреи рдинамика». мини|Кармен л-Хабанера (Жорж Бизе инапҩымҭа аоригинал, 1874 года) Зныкгьы Испаниа имнеицыз Бизе, имузыка испаниатәи ацәаҩа аҭаразы иақәнагоз ахыҵхырҭақәа дрышьҭан.Уи инадҳәаланы, Исаак Альбенис иҩуан: «Исыздыруам Бизе илзыршаз ус еиԥш аҟаҵара, аха Испаниа ахаҭа иахылымҵит «Кармен» аҵкыс еиҳа испаниатәу!» ҳәа. Кармен иналыгӡо хабанера шьаҭас иамоуп 1864 шықәсазы Париж иҭыҵыз Себастиан Ирадиер иеизга «Испаниатәи ашәҭқәа» аҟнытә ашәа «El arreglito» («Аҳәара»). Аԥхьанатә Бизе уи жәлартә мелодиак аҳасабала идикылеит, аха автор данеиликаа, уи аинформациа авокалтә партитура иацҵаны ианиҵеит, «испаниатәи ашәа иаҿырԥшны» ҳәа. Иван Соллертински игәаанагарала, ахабанера аритмика ашьаҭаҿы испаниатәи акәымкәа, акреолтә-америкатә ҟазшьа амоуп (уи инаҵшьны аномер ахьӡгьы иаҳнарбоит, избанзар «хабанера» ахьынтәаауа адгьылбжьахатә ҳәынҭқарра Куба аҳҭны қалақь Гаванна ахьӡ аҟынтәи ауп). Иара акәашара ахаҭа еиԥш, уи ашьшьыҳәа ицо танго аритм иазааигәоуп. Афырԥҳәызба хада лхаҿсахьа аартра, иреалтәны аҟаҵаразы иҟазшьадыргоу ахархәагақәа ируакуп уи лпартиаҿы акомпозитор ашәа-кәашаратә жанр ихы иахьаирхәо. Уи азгәеиҭоит иусумҭаҿы асоветтә музыкаҭҵааҩы Арнольд Альшванг. «Coupe-moi, brûle-moi»  асценаҿы Бизе ажәлар рашәа ихы иаирхәоит, егьырҭ аепизодқәа рҿы, иаҳҳәап, Кармен Сегидилиа аныналыгӡо, - фламенко амотивқәа. Аха егьа умҳәан, аопера францызтәуп, испаниатәӡам, «атәым мелодиақәа» аопераҿы икомпонент хадақәаны ишыҟамгьы, иуникалтәу атмосфера аԥҵараҿы рлагала рацәоуп. Аопера азы аувертиура хы-хәҭак рыла ишьақәгылоуп: атореадорцәа арена ашҟа рцәырҵра (аԥшьбатәи ақәгылара аҟнытә), Есқамилио иариа аҟнытә арӷызра (аҩбатәи ақәгылара аҟнытә), иара убас маҷк еиԥшым ҩ-формак рыла ицәыргоу амотив. Урҭ Кармен лхаҭа леиԥш, аԥсы зхалҵо лразҟгьы иахцәажәоит. Акларнети, афаготи, акорнети, авиолончели рыла инарыгӡо ари амотив аувертиура хнаркәшоит ираӷьны инагӡо акрешьчендо ала. Аԥарда анаатуа, раԥхьатәи асценақәа ҭырҭәаауп илашоу атмосферала. Ус иҟоуп Кармен дцәырҵаанӡа. Хабанера анагӡараан ицәырҵуеит аразҟы амотив, уи ақәцәанӡа инеиуеит Кармен Хозе ашәҭыц ишьапы ианаҵалыршәуа ашәымҭазынӡа. Алеитомотив ахаҭа – аопера амузыкатә еиҿартәышьа зегьы ҳәаақәызҵо «аразҟы атема» шьақәыргылоуп изыцҵоу аиҿартәышьа аикәшарақәа рыла («ацыгантә гамма»). Лиа мажор аҿы Хозе имонолог анаҩстәи анагӡара - еиҭасымҭатә шәымҭаны иҟоуп. Нас дырҩегьых ихынҳәуеит акларнети арахәыцтә инструментқәеи ицәырырго итатоу агәалаҟазаара ашҟа (Миқаела аҩбатәи лцәырҵраан). Аха иаарласны, аҭаҭынтә фабрика аусзуҩцәа реисра аан, еиҭах ицәырҵуеит агәҭынчымра. Хозе иргәаара хықәкыс измоу Сегидилиа анагӡараан – уи иаргьы изныкымкәа иныраӷьны ибжьы ақәиргоит (лиа диез); инагӡоу Сегидилиа афрагмент еиҭаҳәахоит, аха иркьаҿны, уи аепизод мҩаԥысуеит Кармен дыбналаны данцаша аламҭалазы.  Адраматә еффект арыӷәӷәаразы, Жорж Бизе ари ақәгылара афинал изныкымкәа ирҿыцны иҩхьан. Аҩбатәи ақәгылара антракт аҟынтәи иалагоит. Иуаҳауеит Хозе анаҩстәи ицәырҵраан ииҳәараны иҟоу ашәа амелодиа. Уи анагӡаразы рхы иадырхәоит ашәаҳәара инацҵаны иҷыдоу атмосфера аԥызҵо абҩатә-ԥсыԥтәи, иара убас асгатә инструментқәа. Ернест Ниуман ари асцена «гәазыҳәарылеи музыкатә хшыҩҵарралеи иҭырҭәаау» ҳәа азиҳәеит. Ауаа рацәа рҟынтәи иҷыдоу аҳаҭырқәҵареи азҿлымҳареи ирышьцылахьаз атореадор атавернаҿы ицәырҵра иазкны Константин Станиславски иазгәеиҭеит: «Уи Шалиапин атрактир дыҩналар иеиԥшуп» ҳәа. Хозе данцәырҵ ашьҭахь имҩаԥысуеит аидыҽырбалара асцена, уи аан Кармен акастаниетақәа рыла дыхәмаруеит, дкәашоит, ашәа лҳәоит, Хозе хәылбыҽхатәи агәаҭарахь ихынҳәразы зыбжьы го акорнет абжьыҵәҟьа иаԥылгоит. Иҭышәынтәалоу, иҳараку си бемоль аҟны инҵәо Хозе иашәа иаԥхьагылоуп англыз быкь аҿы бжьы маҷла инагӡо аразҟы амотив. Хозе имаҵзурахьы ихынҳәра иахҟьаны, насгьы уи ашьҭахь имҩаԥысуа акапитан Цунигеи Хозеи реицәҳарақәа рышьҭахь гәырӷьара дук аҳасабала игоит ахақәиҭра агимн. Ахԥатәи ақәгыларазы антракт аханатәгьы «Арлезианка» азы иазԥхьагәаҭан. Амузыкаҭҵааҩы Ернест Ниуман «аԥсыԥтә рҳәагақәа рыбжьара ирацәаны аилышьрақәа змоу, илыԥшааху аминиатиура» ҳәа дахцәажәоит ари амелодиа. Ахҭысқәа еизҳацыԥхьаӡа, амузыка иагәылыҩуеит Хозеи Кармени реизыҟазаашьаҿы еиҳа-еиҳа аибарххарақәа ишрызҳауа. Аразҟы амотив дырҩегьых ицәырҵуеит амаца андырԥо асценаҿы, Кармен иаарласны лыԥсра азԥхьабараан. Уи асцена аопераҿы икульминациатәқәоу иреиуоуп. Иқәыргылоуп акомпозитор бзиа иибо аконтраст хархәагала. Амацақәа аԥсра атәы аныддырбо, трагедиала иҭәу Кармен лыбжьы («Аԥсра! Раԥхьа сара! Нас иара!») гоит Фраскитеи Мерседеси ргәырӷьабжьқәа ирылыҩуа. Хохловкина лгәаанагарала, Кармен лразҟы ахьазԥхьарбахаз асцена - уи лхаҿсахьа «даара иарҵаулоит, уаанӡа ишаабоз еиԥш акәымкәа, иаҵанакуа даара ирацәаны иҟалоит». Уи ашьҭахь ицо Миқаела лпартиа цәаныррала ишҭәугьы, амузыка аганахьала иҷыдароу ҳәа акгьы амам. Игор Стравински игәаанагарала, амацарԥара асцена – «аконтрабандистцәа рсоль-бемоль-мажортә ансамбли, аквинтети, Хозе аҵыхәтәантәи исценеи (аопераҿы иреиӷьу амузыка!) инацҵаны, аопера ииашаҵәҟьаны изырҩычо, зыхә цгьа бжоу ахаҳәқәа ирыларшәу абырлашц иеиԥшны иубоит». Ахԥатәи ақәгылара агәҭаны, еиканцәахаз Хозеи Ескамилиои реиҿагылараан, амузыка иаанарԥшуеит урҭ рҟазшьақәеи ргәалаҟазаареи. Ниуман игәаанагарала, Есқамилио «ак иаҵамхо, даамсҭашәаны, дҵәылхыҩны даанхоит», Хозе иакәзар, еиҳа-еиҳа деихашәы-еиҵашәны, агрессиа иныԥшуа дҟалоит. Хозе Миқаела длыцны данца ашьҭахь, амузыка иаанарԥшуеит Кармен зегь реиҳа илашьцоу лҟазшьа аҷыдарақәа. Хозе реицәажәара ахыркәшаразы хымԥада дшыхынҳәуа ала данқәуа, дырҩегьых аԥсыԥтә арҳәагақәа рынагӡарала, ицәырҵуеит аразҟы амотив. Есқамилио асцена анынижьуа аамҭазы иго амелодиа иаҳнарбоит Хозе игәаҿы еиҳа-еиҳа изызҳауа аԥсеибарххареи агәкаҳареи. Аԥшьбатәи ақәгылара хацыркуп Манеуль Гарсиа итонадилие «Имцу амаҵуҩы» (аисп. El criado fingido) ашьаҭала Аԥарда анаатуа, аҭаалым ҟазҵо атореадорцәа ираԥхьагылоуп аҷкәынцәа рхор. Уи аамҭазы ауаа рацәа Есқамилио идныҳәалоит. Уи ашьҭахь имҩаԥысуеит Кармен лыбзиабаратә сцена кьаҿ. Хозе Кармен иара ишҟа дхынҳәырц азы дахьлыҳәо, акыраамҭа ицо, афинал аан арена аҟнытә игоит агәырӷьара зныԥшуа ахәаԥшцәа рыбжьқәа; Кармен лышьра ашьҭахь иуаҳауеит атореадор иашәеи аразҟы амотиви (фортиссимо). Уи амацарԥара асцена ашҟа ҳхьазырԥшуа амузыка иалалоит. Иау аккорд ала инҵәо, абзиабареи агәкаҳареи рыла иҭәу аҵыхәтәантәи ажәақәа рышьҭахь, иарбанзаалак музыкатә, ма вокалтә нагӡарак ацӡамкәа ашьшьыҳәа илеиуеит аԥарда. Азхьарԥшқәа Клавир и вокальная партия изд. G. Schirmer Inc., New York, 1958, на сайте William and Gayle Cook Music Library, Indiana University School of Music Полный текст либретто оперы «Кармен» (свободный перевод Ю. Димитрина) Акатегориа:Кармен Акатегориа:1875 шықәсазы аоперақәа Акатегориа:Аоперақәа Акатегориа:Жорж Бизе иоперақәа Акатегориа:Афранцыз бызшәахь аоперақәа
37722
https://ab.wikipedia.org/wiki/Толстои,_Лев_Николаи-иԥа
Толстои, Лев Николаи-иԥа
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы}} '''Лев Николаи-иԥа Толстои''' ({{date|9|9|1828|28|8}}, Иасная Поляна — {{date|20|11|1910|7||}}, Астапово) – еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы, апублицист, ахәыцыҩ ду, адунеитә литература аҟны иреиӷьӡоу ароманистцәа ируаӡәку. Лев Толстои инысмҩа ҭәуп даара аинтерес змоу афактқәеи ахҭысқәеи рыла.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/literature/text/4195948 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2020-11-25 |archive-url=https://web.archive.org/web/20201125022103/https://bigenc.ru/literature/text/4195948 |url-status=dead }}</ref> == Толстои иаазыркьаҿу инысмҩа == Лев Толстои диит нанҳәамза 28, 1828 шықәсазы Урыстәылатәи аимпериа, Крапивенсктәи ауезд Тулатәи агуберниа, иан лимшьҭратә нхара аҟны – Иаснаиа Полиана. Иара аҭаацәара аҟны аԥшьбатәи хәыҷын. Иан лыԥсҭазаара далҵит 1830 шықәсазы, ахшараиура дахыԥсааит. Ари ҟалеит аԥҳа данлоу ашьҭахь, усҟан Лев ҩышықәсагьы ихымҵыцызт. Абарҭқәа ирыхҟьаны Лев хәыҷы иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иареи рааӡара инапы ианылеит иабду иашьа иԥа. Быжьшықәса ааҵхьан, иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Лев Толстои иаб – аграф Николаи Толстои. Арҭ атрагедиатә хҭысқәа ирылҵшәаны ахәыҷқәа ааӡаҩыс дроуит Казан инхоз рҭынха ԥҳәыс. Лев Толстои ихәыҷрашықәсқәа даара аԥхарра аҵаны игәалаиршәон, ари аамҭа иара инысымҩа аҟны акыр адраматә хҭысқәа шацызгьы.<ref>{{Cite web |url=https://www.uznat.net/biografii/kratkaya_biografiya_tolstogo.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2023-06-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230604003351/https://www.uznat.net/biografii/kratkaya_biografiya_tolstogo.html |url-status=dead }}</ref> == Аҵарадырра == Толстои алагарҭатә классқәа рзы аҵарадырра аҩны ауп иахьиоуз. Уи аҵара идырҵон анемеци афранцызи рҵаҩцәа. 1843 шықәсазы Толстои Аимператортә Казантәи ауниверситет мрагыларатәи абызшәақәа рзы афакультет дҭалоит. Аха, ари ахырхарҭаҟны аҵарадырра ус имарианы ицааиуамызт. Ихәшьарақәа ахьҽеимыз иахҟьаны еиҳа имариаз азиндырратә факультет ахь диасыр акәхеит. Аха, ус шакәызгьы, Толстои инысмҩа аҟны иарбоу аофициалтә дыррақәа рыла, аҵарадырра иадҳәалаз ауадаҩрақәа ари ала инымҵәеит, иара 1847 шықәсазы аинститут аанижьуеит, азанааҭ ҳәа акагьы имоуӡакәан. Абри ашьҭахь Толстои иӡбоит иҭаацәа рыҩнахьы дгьежьырц, афермертә ус инапалакразы. Аха, иара абрагьы изамуит, избанзар, иара еснагь Урыстәыла ақалақьқәа лассы-лассы дырҭаауан. Аха, абас шакәызгьы, Толстои аихьӡарақәа иман – иара еснагь амшынҵа иҩуан. Ари аҟазшьа ауп иара ашәҟәыҩҩра дадзыԥхьалаз, ароманқәеи аповестқәеи раԥҵара ҵаҵӷәыс иаиуз, иара убасгьы иаԥхьаҟатәи иԥсҭазааратә мҩа ҳәаақәызҵаз.<ref>https://24smi.org/celebrity/4022-lev-tolstoi.html</ref> == Арратә маҵзура == Ҳәарада, Лев Толстои ахобби иман. Иара даара бзиа ибон амузыка. Иреиӷьишьоз композиторцәан Бах, Гендель, Шопен. Инысмҩа аҟны ишазгәаҭоу ала, Лев Толстои сааҭла Моцарт, Шопен, Мендельсон, Шуман уҳәа реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа ароиаль аҟны иаирҳәалар илшон. Анысмҩа аҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Лев Толстои анырра ӷәӷәа шииҭоз иашьа еиҳабы Николаи. Уи иара диҩызан, насгьы аԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхоз изы дымҩақәҵаҩын. Николаи иоуп зашьеиҵбы арратә маҵзурахьы Кавказҟа дназыԥхьаз. Уи иабзоураны Лев Толстои иункерхоит, 1854 шықәсазы Севастопольҟа диаган, уа иара далахәын Ҟрымтәи аибашьра, нанҳәамза 1855 шықәсанӡа.<ref>https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/tolstoi-liev-nikolaievich</ref> == Толстои иҟазара == Аррамаҵзура ахысра аан Лев Николаи-иԥа иҭацәыз аамҭа рацәаны иман. Ари аамҭазы иаԥиҵоит автобиографиатә повест «Детство», уа даара ҟазарыла иааирԥшит иԥсҭазаара раԥхьатәи ашықәсқәа. Ари аҩымҭа инысмҩа аҩра азын ихҭыс духеит. «Детство» ажурнал «Современник» аҟны акьыԥхь анаба инаркны, Толстои иаразнак деицырдыруа дҟалеит шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала. Аповест убас еиԥш еицырдыруа иҟалеит, Толстои – И. Тургенев, Н. Островски, И. Гончаров реиԥш иҟаз усҟантәи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа дрываргыланы ихьӡ рҳәо аҟынӡа. Абри ашьҭахь Лев Толстои анаҩстәи иповест «Казаки» аԥиҵоит. Уаҟа иара Кавказ иҟазаара аантәи ирратә ԥсҭазаара далацәажәоит. Арҭ аҩымҭақәа рыҩра 1862 шықәсанӡа дадхалеит, аррамаҵзура анихига анаҩс ауп ианхиркәшаз. Аинтерес зҵоу фактуп, Толстои Ҟрымтәи аибашьра даналахәызгьы икалам ахьышьҭеимҵаз, усҟангьы иара дыҩуан. Ари аамҭа иалагӡаны иаԥҵан аповест «Отрочество», «Детство» иацызҵоз, насгьы «Севостопольтәи ажәабжьқәа». Ҟрымтәи аибашьра ашьҭахь Толстои аррамаҵзура ааныжьны иҩныҟа дгьежьуеит. Усҟан иара еицырдыруаз шәҟәыҩҩхахьан.<ref>http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/326-nachalo-literaturnoj-deyatelnosti.html</ref> Толстои иқәыԥшра ашықәсқәа рзы даара иԥагьаз аӡә иакәын, уи имшынҵаҟны иҩыз анҵамҭақәа даара ирныԥшуеит. Иара мап ацәикуан изакәызаалак философиатә школк ихы адҳәалара, зынгьы санархиступ ҳәа рылеиҳәахьан, уи ашьҭахь 1857 шықәса рзы иӡбоит Франциаҟа ацара. Азныказ Толстои азарттә хәмаррақәа дырчычоит. Аха уи иаарласны иаанижьуеит, имазара зегьы данаҵаха, уи ашьҭахь Европантәи иҩныҟа дгьежьыр акәхоит. Акыр ауадаҩрақәа шихигазгьы, илшоит аҵыхәтәантәи, инысмҩа ахԥатәи ахәҭа «Юность» аҩра. Ари ахҭыс ҟалеит 1857 шықәсазы. 1862 шықәса инаркны Толстои далагоит апедагогигатә журнал «Ясная Поляна» аҭыжьра, усзуҩы хадас иара ихаҭа дызмаз. Аха 12 номер заҵәык рҭыжьра ауп илшаз, ари аус игәы ахьахшәаз азы.<ref>http://www.l-tolstoy.ru/page_12.php</ref> == Лев Толстои иҭаацәа == Цәыббрамза 23, 1862 шықәсазы Толстои инысмҩа аҟны акыр аиҭакрақәа ҟалеит: иара ԥҳәысс дигоит Софиа Андреи-иԥҳа Берс, аҳақьым иԥҳа. Ари аҭаацәараҟны ииуеит жәҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Жәахаҩык ахәыҷқәа рахьтә хәҩык ишхәыҷӡаз рыԥсҭазаара иалҵуеит. Софиа Андреи-иԥҳа хаҵа данцоз 18 шықәса лхыҵуан, Лев Толстои – 34 шықәса. Абри аамҭазы Толстои насыԥ змоу иакәны ихы иԥхьаӡон. Иара иԥҳәыс илыбзоураны иматериалтә ҭагылазаашьагьы бзиахоит. Адунеитә азхаҵарагьы иоууеит иаԥиҵаз иҩымҭақәа ирыбзоураны.<ref>http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/bio/semya-tolstogo.htm</ref> Иԥҳәыс илыбзоураны диоуит иусқәа зегьы рҟны ицхраауаз, иҩымҭақәа раԥҵара аҟни идгылоз ауаҩы. Амаӡаныҟәгаҩ иҟамзаара иахҟьаны Лев иԥҳәыс Софиа лакәын иҩымҭақәа хызҩылаауаз. Аха нас дара аҳәоуеиқәымшәара рыбжьалоит, урҭ аилибамкаарақәа ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон, рышьаҭақәа рҳауан. Аилибамкаара зыхҟьаз, Лев Толстои иҭаацәа рзын ишьақәиргылаз аплан инақәыршәаны, идырҳауаз ахәҭак рзыршалар акәын арыцҳацәеи ашколқәеи. Насгьы, иҭаацәа рыԥсҭазаара даара армариара дашьҭан, иара иҭахын еиҳа зыхә мариоу амаҭәақәа, афатә аархәаларц, имыцхәуп ҳәа ииԥхьаӡоз – афортепиано, аҩнымаҭәа, аекипаж зегьы ҭины ауаа ирзишарц. Ҳәарада, ас еиԥш аплан иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥа дақәшаҳаҭмызт. Абри иахҟьеит дара раԥхьатәи нышәашьа змамыз рҭыӡшәагьы, Софиа лыхшара аԥхьаҟатәи рԥеиԥш даҽакала илбон. 1892 шықәсазы Толстои имаз зегьы иԥҳәыси ихәыҷқәеи ириҭоит, иԥҳәыси иареи 48 шықәса ишеицынхозгьы.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-lev-tolstoy.html</ref> == Толстои иаԥҵамҭақәа == Толстои даара лҵшәа бзиала аус зуаз шәҟәыҩҩуп. Иара иаԥҵамҭақәа рымҽхак дууп, ҵакылагьы, шәагаалагьы. Зегь реиҳа аларҵәара зауз аԥҵамҭақәоуп «Воина и Мир», «Анна Каренина», «Воскресение». '''«Война и Мир»''' 1860-тәи ашықәсқәа рзы Лев Николаи-иԥа Толстои иҭаацәеи иареи Иаснаиа Полиана инхон. Иара аброуп адунеи ахьабаз еицырдыруа ароман «Воина и Мир». Раԥхьа ароман ахәҭак кьыԥхьын «Русский вестник» аҟны, «1805 шықәса» ҳәа ахьӡ аҭаны. Хышықәса ааҵуаны икьыԥхьын ароман ахқәа даҽа хԥа, уи алагьы ихыркәшан, ари ароман Толстои ирҿиараҟны иаарылукаауа иҟалаз хҭысуп. Акритикцәа, ауаажәларра даара иахцәажәон ароман «Воина и Мир». Урҭ ароман аҟны иаарԥшыз Наполеон иеибашьрақәа еимактәыс ирыман. Иара убасгьы, ирылацәажәон ихыҭҳәааз ароман афырхацәа. Ароман аҟны даара аинтерес цәырыргеит иалагалаз асатиратә ессеқәа, аҭоурых, азакәанқәа ртәы еиҭазҳәоз. Егьырҭ аидеиақәа инарҷыданы Лев Толстои иҭахын аилазаара аҟны ауаҩы иҭагылазаашьа, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу атәы аԥхьаҩ иҟынӡа анагара.<ref>http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/rabota-tolstogo-nad-rukopisyami-vojny-i-mira.htm</ref> == «Анна Каренина» == Лев Толстои «Воина и Мир» анаԥиҵа ашьҭахь, аҩбатәи ироман аҩра далагеит, уигьы даара ауаа ирылаҵәаз романуп, уи «Анна Каренина» акәын. Ари ароман иагәылагылоуп акыр автобиографиатә очеркқәа. Уи гәаумҭарц залшом «Анна Каренина» аперсонаж хадацәа Киттии Левини реизыҟазаашьақәа уанрыхәаԥшуа. Ари аромангьы хәҭа-хәҭала ауп акьыԥхь шабаз, 1873 шықәса инаркны 1877 шықәсанӡа иркьыԥхьуан, акритикцәа ракәзар, даара ахәшьара ҳаракы арҭеит, ауаажәларрагьы иргәаԥхеит. Аӡәырҩы игәарҭон «Анна Каренина» – ари Толстои иавтобиографиа шакәыз, ахԥатәи ахаҿала иҩыз. Ари иусумҭазы Лев Толстои даара иҳаракыз, усҟантәи аамҭазы, агонорарқәа иоуит.<ref>http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/istoriya-anny-kareninoj/istoriya-anny-kareninoj.htm</ref> == «Воскресение» == 1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Толстои ароман «Воскресение» иҩуеит. Уи асиужет шьаҭас иаман иҟаҵәҟьаз аӡбаратә ус. Ари ароман аҟны даара иубарҭоуп автор ауахәама аҵасқәа дшырзыҟаз. Абра иуҳәар ҟалоит ари аҩымҭа аграф Толстоии Аиашахаҵаратә уахәамеи еиԥырнагеит ҳәа.<ref>{{Cite web |url=http://tolstoy.lipetsk.ru/gosudarstvenny-museum-l-n-tolstogo/lev-tolstoj-v-1880-1900-x-gg-o-romane-voskresene/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2021-11-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211129232249/http://tolstoy.lipetsk.ru/gosudarstvenny-museum-l-n-tolstogo/lev-tolstoj-v-1880-1900-x-gg-o-romane-voskresene/ |url-status=dead }}</ref> == Толстоии адинхаҵареи == Хыхь зыӡбахә ҳәоу аԥҵамҭақәа акыр алаҵәара бзиа шроузгьы, ашәҟәыҩҩы уи гәырӷьара изаанамгеит. Иара адепрессиа ӷәӷәа иман, ҩныҵҟала дҭацәушәа ихы ибон. Абри инамаданы, иара аԥсҭазаара аҵакы аԥшаара дашьҭалоит. Раԥхьа Лев Толстои изҵаарақәа рҭакқәа Аиашахаҵаратә уахәама аҟны дашьҭалоит, аха уи лҵшәа ҳәа акагьы аанамышьҭит. Аамҭа цацыԥхьаӡа иара еиҳа- еиҳа Аиашахаҵаратә уахәама акритика азиуа далагоит, акритика азиуан иара ақьырсиантә динхаҵара зегьы. Арҭ иҵарыз азҵаарақәа рзы иара ихшыҩҵакқәа аҭыжьымҭа «Посредник» аҟны икьыԥхьуа далагеит.<ref>http://tolstoy.ru/creativity/publicism/991/</ref> Иара ихадараз ипозициа зызкыз уи акәын, ақьырсиантә ҵара бзиоуп, аха Иисус Христос абра даҭахымшәа ибон. Убри аҟынтә, Лев Толстои Аԥшьаҩыра ихала аиҭагара иҽазишәоит. Толстои идинхаҵаратә дунеихәаԥшра даара иуадаҩын, еилаԥаҭан. Ара ақьырсианреи абуддизми еилаӡҩон, урҭ зегьы ирныԥшуан мрагыларатәи адинхаҵарақәагьы. 1901 шықәсазы аграф Лев Толстои изы Иԥшьоу Анапхгараҭаратә Синод аилыркаара ҭнажьит. Ари аилыркаара аҟны иҳәан Лев Толстои уаҳа Аиашахаҵаратә уахәама дшалахәылам, избанзар уи иқәгыларақәеи игәаанагарақәеи ауахәама адыррақәеи еинаалашьа рымам ҳәа азгәаҭаны.<ref>{{Cite web |url=http://pereprava.org/culture/3250-religiya-tolstogo-otluchenie.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126115131/http://pereprava.org/culture/3250-religiya-tolstogo-otluchenie.html |url-status=dead }}</ref> == Толстои ихьшәаз ирҿиара == Ихьшәаз Толстои иҩымҭақәа иаадырԥшуан ареалисттә беллетристика, иара убасгьы ацәаҩашәа ҵакы змаз ажәабжьқәа. 1886 шықәсазы еицырдыруа иҟалаз повестхеит «Смерть Ивана Ильича». Уи афырхаҵа хада еиликаауеит иԥсҭазаара аиҳарак зегьы баша ишихысыз, аха уи аилкаара аниоу аамҭа цахьан. 1898 шықәсазы Лев Николаи-иԥа иҩуеит убасгьы еицырдыруа иҟалаз аԥҵамҭа «Отец Сергии». Уа акритика рзиуеит акыр адунеихәаԥшышьақәа, идоуҳатә еиҭеира ашьҭахь изцәырҵыз. Егьырҭ иусумҭақәа зызку аҟазара атема ауп. Урҭ рахь иаҵанакуеит апиеса «Живои труп» (1890), аповест «Хаджи- Мурат» (1904). 1903 шықәсазы Лев Толстои ажәабжь хәыҷы иҩит, уи иахьӡын «После бала». Акьыԥхь абеит 1911 шықәсазы, ашәҟәыҩҩы даныԥсы аамышьҭахь.<ref>https://www.culture.ru/persons/8211/lev-tolstoi</ref> == Лев Толстои иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа == Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Лев Толстои еиҳа деицырдыруан, адинхаҵаратә ԥхьагылаҩк иаҳасаб ала. Иара ихәыцрақәа ззырхаз амч ахархәара амҭакәа ацәгьара аҿагылара акәын. Иԥсы анҭаз иара ҿырԥшыгас дроуеит аӡәырҩы аурыс жәлар рхаҭарнакцәа. Аха, ус шакәызгьы, иара иҭаацәаратә ԥсҭазаараҟны акыр аилибамкаарақәа аҭыԥ рыман, урҭ аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы иҵархоит.Алитератор иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥҳа лхаҵа идунеихәаԥшышьа ицеиҩылшомызт, уи ишьҭра иқәыз аӡәырҩы лбар ҟалаӡомызт, лассы – лассы Иаснаиа Полианаҟа иаауаз. Лара илҳәон: «Ауааԥсыра бзиа башьас ирымоузеи, уааигәа иҟоу бзиа ианумбо аамҭазы!». Ари аҭагылазаашьа нҵәара ақәымкәа, ас акраамҭа цашьа ауамызт аҟынтә, 1910 шықәсазы Лев Толстои ихатәҳақьым Д. П. Моковицки диманы зынӡа ҳәа Иаснаиа Полиана аанижьуеит, даҽакала иуҳәозар, ари ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҟны бналаран, уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, уи аҭыԥ аман жьҭаарамза 28 ауха.<ref>http://www.l-tolstoy.ru/poslednie_gody.php</ref> == Толстои иԥсра == Лев Толстои «ибналара» аан амҩа дшықәыз игәы рахәымкәаны ибо далагеит. Раԥхьа иара ахьҭа илалеит, анаҩс агәаҵәыхь ичаԥеит, уи иахҟьаны Лев Толстои адәыӷба дҭыган раԥхьатәи станциа дук аҟны. Ари астанциа Астапово ахьӡын (иахьа Липецктәи аобласт). Ашәҟәыҩҩы ичымазара атәы иаразнак зегьы ирылаҵәеит. Фҩык аҳақьымцәа уи иеиқәырхаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ачымазара рзаанымкылеит. Абҵарамза 7, 1910 шықәсазы Лев Николаи-иԥа Толстои, 83 шықәса дшырҭагылаз, иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардеит Иаснаиа Полиана. Агазеҭқәа рҟны акәзар, ирнылеит аимператор Николаи II ирезолиуциа, Лев Николаи-иԥа Толстои иԥсҭазаара алҵразы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәахә шьаҭас иҟаҵаны.<ref>http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/333-smert-tolstogo.html</ref> == Аинтерес зҵоу афактқәа == * Лев Толстои деицырдыруеит даара аҵакы змоу аԥҵамҭақәа рыла мацара акәымкәа. Уи иҩит, иара убасгьы, «Азбука», насгьы «Аԥхьаразы ашәҟәы» ахәыҷқәа рзын; * Зегьреиҳа аҵакы змаз аԥҵамҭа «Воина и Мир» Толстои рацәак бзиа ибомызт, «многословная дребедень» ҳәа азиҳәон; * Лев Николаи-иԥа аамсҭатә титул аграф ҳәа ихҵан; * Лев Толстои амаца ахәмарра бзиа ибон. Еснагь даара иҽазҵәылхны дыхәмаруан, аха даҵахон, уи ифинансттә ҭагылазаашьа акыр ианыԥшуан; * Толстои Шекспир иҟазара, драматургк иаҳасаб ала, даара акритика азиуан, «Шекспири адрамеи» захьӡыз аочеркгьы икьыԥхьит, уа иара Шекспир иҩымҭақәа еилырганы дрыхцәажәеит; * Толстои иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иара иҭынхеит иԥҳәыси жәаҩык ахшареи.<ref>https://100-faktov.ru/xx-interesnyx-faktov-iz-zhizni-lva-tolstogo/</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Цәыббрамза 9 рзы ииз]] [[Акатегориа:1828 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 20 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1910 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аурыс шәҟәыҩҩыцәа]]
Лев Николаи-иԥа Толстои (, Иасная Поляна — , Астапово) – еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы, апублицист, ахәыцыҩ ду, адунеитә литература аҟны иреиӷьӡоу ароманистцәа ируаӡәку. Лев Толстои инысмҩа ҭәуп даара аинтерес змоу афактқәеи ахҭысқәеи рыла. Толстои иаазыркьаҿу инысмҩа Лев Толстои диит нанҳәамза 28, 1828 шықәсазы Урыстәылатәи аимпериа, Крапивенсктәи ауезд Тулатәи агуберниа, иан лимшьҭратә нхара аҟны – Иаснаиа Полиана. Иара аҭаацәара аҟны аԥшьбатәи хәыҷын. Иан лыԥсҭазаара далҵит 1830 шықәсазы, ахшараиура дахыԥсааит. Ари ҟалеит аԥҳа данлоу ашьҭахь, усҟан Лев ҩышықәсагьы ихымҵыцызт. Абарҭқәа ирыхҟьаны Лев хәыҷы иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иареи рааӡара инапы ианылеит иабду иашьа иԥа. Быжьшықәса ааҵхьан, иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Лев Толстои иаб – аграф Николаи Толстои. Арҭ атрагедиатә хҭысқәа ирылҵшәаны ахәыҷқәа ааӡаҩыс дроуит Казан инхоз рҭынха ԥҳәыс. Лев Толстои ихәыҷрашықәсқәа даара аԥхарра аҵаны игәалаиршәон, ари аамҭа иара инысымҩа аҟны акыр адраматә хҭысқәа шацызгьы. Аҵарадырра Толстои алагарҭатә классқәа рзы аҵарадырра аҩны ауп иахьиоуз. Уи аҵара идырҵон анемеци афранцызи рҵаҩцәа. 1843 шықәсазы Толстои Аимператортә Казантәи ауниверситет мрагыларатәи абызшәақәа рзы афакультет дҭалоит. Аха, ари ахырхарҭаҟны аҵарадырра ус имарианы ицааиуамызт. Ихәшьарақәа ахьҽеимыз иахҟьаны еиҳа имариаз азиндырратә факультет ахь диасыр акәхеит. Аха, ус шакәызгьы, Толстои инысмҩа аҟны иарбоу аофициалтә дыррақәа рыла, аҵарадырра иадҳәалаз ауадаҩрақәа ари ала инымҵәеит, иара 1847 шықәсазы аинститут аанижьуеит, азанааҭ ҳәа акагьы имоуӡакәан. Абри ашьҭахь Толстои иӡбоит иҭаацәа рыҩнахьы дгьежьырц, афермертә ус инапалакразы. Аха, иара абрагьы изамуит, избанзар, иара еснагь Урыстәыла ақалақьқәа лассы-лассы дырҭаауан. Аха, абас шакәызгьы, Толстои аихьӡарақәа иман – иара еснагь амшынҵа иҩуан. Ари аҟазшьа ауп иара ашәҟәыҩҩра дадзыԥхьалаз, ароманқәеи аповестқәеи раԥҵара ҵаҵӷәыс иаиуз, иара убасгьы иаԥхьаҟатәи иԥсҭазааратә мҩа ҳәаақәызҵаз.https://24smi.org/celebrity/4022-lev-tolstoi.html Арратә маҵзура Ҳәарада, Лев Толстои ахобби иман. Иара даара бзиа ибон амузыка. Иреиӷьишьоз композиторцәан Бах, Гендель, Шопен. Инысмҩа аҟны ишазгәаҭоу ала, Лев Толстои сааҭла Моцарт, Шопен, Мендельсон, Шуман уҳәа реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа ароиаль аҟны иаирҳәалар илшон. Анысмҩа аҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Лев Толстои анырра ӷәӷәа шииҭоз иашьа еиҳабы Николаи. Уи иара диҩызан, насгьы аԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхоз изы дымҩақәҵаҩын. Николаи иоуп зашьеиҵбы арратә маҵзурахьы Кавказҟа дназыԥхьаз. Уи иабзоураны Лев Толстои иункерхоит, 1854 шықәсазы Севастопольҟа диаган, уа иара далахәын Ҟрымтәи аибашьра, нанҳәамза 1855 шықәсанӡа.https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/tolstoi-liev-nikolaievich Толстои иҟазара Аррамаҵзура ахысра аан Лев Николаи-иԥа иҭацәыз аамҭа рацәаны иман. Ари аамҭазы иаԥиҵоит автобиографиатә повест «Детство», уа даара ҟазарыла иааирԥшит иԥсҭазаара раԥхьатәи ашықәсқәа. Ари аҩымҭа инысмҩа аҩра азын ихҭыс духеит. «Детство» ажурнал «Современник» аҟны акьыԥхь анаба инаркны, Толстои иаразнак деицырдыруа дҟалеит шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала. Аповест убас еиԥш еицырдыруа иҟалеит, Толстои – И. Тургенев, Н. Островски, И. Гончаров реиԥш иҟаз усҟантәи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа дрываргыланы ихьӡ рҳәо аҟынӡа. Абри ашьҭахь Лев Толстои анаҩстәи иповест «Казаки» аԥиҵоит. Уаҟа иара Кавказ иҟазаара аантәи ирратә ԥсҭазаара далацәажәоит. Арҭ аҩымҭақәа рыҩра 1862 шықәсанӡа дадхалеит, аррамаҵзура анихига анаҩс ауп ианхиркәшаз. Аинтерес зҵоу фактуп, Толстои Ҟрымтәи аибашьра даналахәызгьы икалам ахьышьҭеимҵаз, усҟангьы иара дыҩуан. Ари аамҭа иалагӡаны иаԥҵан аповест «Отрочество», «Детство» иацызҵоз, насгьы «Севостопольтәи ажәабжьқәа». Ҟрымтәи аибашьра ашьҭахь Толстои аррамаҵзура ааныжьны иҩныҟа дгьежьуеит. Усҟан иара еицырдыруаз шәҟәыҩҩхахьан.http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/326-nachalo-literaturnoj-deyatelnosti.html Толстои иқәыԥшра ашықәсқәа рзы даара иԥагьаз аӡә иакәын, уи имшынҵаҟны иҩыз анҵамҭақәа даара ирныԥшуеит. Иара мап ацәикуан изакәызаалак философиатә школк ихы адҳәалара, зынгьы санархиступ ҳәа рылеиҳәахьан, уи ашьҭахь 1857 шықәса рзы иӡбоит Франциаҟа ацара. Азныказ Толстои азарттә хәмаррақәа дырчычоит. Аха уи иаарласны иаанижьуеит, имазара зегьы данаҵаха, уи ашьҭахь Европантәи иҩныҟа дгьежьыр акәхоит. Акыр ауадаҩрақәа шихигазгьы, илшоит аҵыхәтәантәи, инысмҩа ахԥатәи ахәҭа «Юность» аҩра. Ари ахҭыс ҟалеит 1857 шықәсазы. 1862 шықәса инаркны Толстои далагоит апедагогигатә журнал «Ясная Поляна» аҭыжьра, усзуҩы хадас иара ихаҭа дызмаз. Аха 12 номер заҵәык рҭыжьра ауп илшаз, ари аус игәы ахьахшәаз азы.http://www.l-tolstoy.ru/page_12.php Лев Толстои иҭаацәа Цәыббрамза 23, 1862 шықәсазы Толстои инысмҩа аҟны акыр аиҭакрақәа ҟалеит: иара ԥҳәысс дигоит Софиа Андреи-иԥҳа Берс, аҳақьым иԥҳа. Ари аҭаацәараҟны ииуеит жәҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Жәахаҩык ахәыҷқәа рахьтә хәҩык ишхәыҷӡаз рыԥсҭазаара иалҵуеит. Софиа Андреи-иԥҳа хаҵа данцоз 18 шықәса лхыҵуан, Лев Толстои – 34 шықәса. Абри аамҭазы Толстои насыԥ змоу иакәны ихы иԥхьаӡон. Иара иԥҳәыс илыбзоураны иматериалтә ҭагылазаашьагьы бзиахоит. Адунеитә азхаҵарагьы иоууеит иаԥиҵаз иҩымҭақәа ирыбзоураны.http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/bio/semya-tolstogo.htm Иԥҳәыс илыбзоураны диоуит иусқәа зегьы рҟны ицхраауаз, иҩымҭақәа раԥҵара аҟни идгылоз ауаҩы. Амаӡаныҟәгаҩ иҟамзаара иахҟьаны Лев иԥҳәыс Софиа лакәын иҩымҭақәа хызҩылаауаз. Аха нас дара аҳәоуеиқәымшәара рыбжьалоит, урҭ аилибамкаарақәа ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон, рышьаҭақәа рҳауан. Аилибамкаара зыхҟьаз, Лев Толстои иҭаацәа рзын ишьақәиргылаз аплан инақәыршәаны, идырҳауаз ахәҭак рзыршалар акәын арыцҳацәеи ашколқәеи. Насгьы, иҭаацәа рыԥсҭазаара даара армариара дашьҭан, иара иҭахын еиҳа зыхә мариоу амаҭәақәа, афатә аархәаларц, имыцхәуп ҳәа ииԥхьаӡоз – афортепиано, аҩнымаҭәа, аекипаж зегьы ҭины ауаа ирзишарц. Ҳәарада, ас еиԥш аплан иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥа дақәшаҳаҭмызт. Абри иахҟьеит дара раԥхьатәи нышәашьа змамыз рҭыӡшәагьы, Софиа лыхшара аԥхьаҟатәи рԥеиԥш даҽакала илбон. 1892 шықәсазы Толстои имаз зегьы иԥҳәыси ихәыҷқәеи ириҭоит, иԥҳәыси иареи 48 шықәса ишеицынхозгьы.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-lev-tolstoy.html Толстои иаԥҵамҭақәа Толстои даара лҵшәа бзиала аус зуаз шәҟәыҩҩуп. Иара иаԥҵамҭақәа рымҽхак дууп, ҵакылагьы, шәагаалагьы. Зегь реиҳа аларҵәара зауз аԥҵамҭақәоуп «Воина и Мир», «Анна Каренина», «Воскресение». «Война и Мир» 1860-тәи ашықәсқәа рзы Лев Николаи-иԥа Толстои иҭаацәеи иареи Иаснаиа Полиана инхон. Иара аброуп адунеи ахьабаз еицырдыруа ароман «Воина и Мир». Раԥхьа ароман ахәҭак кьыԥхьын «Русский вестник» аҟны, «1805 шықәса» ҳәа ахьӡ аҭаны. Хышықәса ааҵуаны икьыԥхьын ароман ахқәа даҽа хԥа, уи алагьы ихыркәшан, ари ароман Толстои ирҿиараҟны иаарылукаауа иҟалаз хҭысуп. Акритикцәа, ауаажәларра даара иахцәажәон ароман «Воина и Мир». Урҭ ароман аҟны иаарԥшыз Наполеон иеибашьрақәа еимактәыс ирыман. Иара убасгьы, ирылацәажәон ихыҭҳәааз ароман афырхацәа. Ароман аҟны даара аинтерес цәырыргеит иалагалаз асатиратә ессеқәа, аҭоурых, азакәанқәа ртәы еиҭазҳәоз. Егьырҭ аидеиақәа инарҷыданы Лев Толстои иҭахын аилазаара аҟны ауаҩы иҭагылазаашьа, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу атәы аԥхьаҩ иҟынӡа анагара.http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/rabota-tolstogo-nad-rukopisyami-vojny-i-mira.htm «Анна Каренина» Лев Толстои «Воина и Мир» анаԥиҵа ашьҭахь, аҩбатәи ироман аҩра далагеит, уигьы даара ауаа ирылаҵәаз романуп, уи «Анна Каренина» акәын. Ари ароман иагәылагылоуп акыр автобиографиатә очеркқәа. Уи гәаумҭарц залшом «Анна Каренина» аперсонаж хадацәа Киттии Левини реизыҟазаашьақәа уанрыхәаԥшуа. Ари аромангьы хәҭа-хәҭала ауп акьыԥхь шабаз, 1873 шықәса инаркны 1877 шықәсанӡа иркьыԥхьуан, акритикцәа ракәзар, даара ахәшьара ҳаракы арҭеит, ауаажәларрагьы иргәаԥхеит. Аӡәырҩы игәарҭон «Анна Каренина» – ари Толстои иавтобиографиа шакәыз, ахԥатәи ахаҿала иҩыз. Ари иусумҭазы Лев Толстои даара иҳаракыз, усҟантәи аамҭазы, агонорарқәа иоуит.http://tolstoy-lit.ru/tolstoy/kritika-o-tolstom/istoriya-anny-kareninoj/istoriya-anny-kareninoj.htm «Воскресение» 1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Толстои ароман «Воскресение» иҩуеит. Уи асиужет шьаҭас иаман иҟаҵәҟьаз аӡбаратә ус. Ари ароман аҟны даара иубарҭоуп автор ауахәама аҵасқәа дшырзыҟаз. Абра иуҳәар ҟалоит ари аҩымҭа аграф Толстоии Аиашахаҵаратә уахәамеи еиԥырнагеит ҳәа. Толстоии адинхаҵареи Хыхь зыӡбахә ҳәоу аԥҵамҭақәа акыр алаҵәара бзиа шроузгьы, ашәҟәыҩҩы уи гәырӷьара изаанамгеит. Иара адепрессиа ӷәӷәа иман, ҩныҵҟала дҭацәушәа ихы ибон. Абри инамаданы, иара аԥсҭазаара аҵакы аԥшаара дашьҭалоит. Раԥхьа Лев Толстои изҵаарақәа рҭакқәа Аиашахаҵаратә уахәама аҟны дашьҭалоит, аха уи лҵшәа ҳәа акагьы аанамышьҭит. Аамҭа цацыԥхьаӡа иара еиҳа- еиҳа Аиашахаҵаратә уахәама акритика азиуа далагоит, акритика азиуан иара ақьырсиантә динхаҵара зегьы. Арҭ иҵарыз азҵаарақәа рзы иара ихшыҩҵакқәа аҭыжьымҭа «Посредник» аҟны икьыԥхьуа далагеит.http://tolstoy.ru/creativity/publicism/991/ Иара ихадараз ипозициа зызкыз уи акәын, ақьырсиантә ҵара бзиоуп, аха Иисус Христос абра даҭахымшәа ибон. Убри аҟынтә, Лев Толстои Аԥшьаҩыра ихала аиҭагара иҽазишәоит. Толстои идинхаҵаратә дунеихәаԥшра даара иуадаҩын, еилаԥаҭан. Ара ақьырсианреи абуддизми еилаӡҩон, урҭ зегьы ирныԥшуан мрагыларатәи адинхаҵарақәагьы. 1901 шықәсазы аграф Лев Толстои изы Иԥшьоу Анапхгараҭаратә Синод аилыркаара ҭнажьит. Ари аилыркаара аҟны иҳәан Лев Толстои уаҳа Аиашахаҵаратә уахәама дшалахәылам, избанзар уи иқәгыларақәеи игәаанагарақәеи ауахәама адыррақәеи еинаалашьа рымам ҳәа азгәаҭаны. Толстои ихьшәаз ирҿиара Ихьшәаз Толстои иҩымҭақәа иаадырԥшуан ареалисттә беллетристика, иара убасгьы ацәаҩашәа ҵакы змаз ажәабжьқәа. 1886 шықәсазы еицырдыруа иҟалаз повестхеит «Смерть Ивана Ильича». Уи афырхаҵа хада еиликаауеит иԥсҭазаара аиҳарак зегьы баша ишихысыз, аха уи аилкаара аниоу аамҭа цахьан. 1898 шықәсазы Лев Николаи-иԥа иҩуеит убасгьы еицырдыруа иҟалаз аԥҵамҭа «Отец Сергии». Уа акритика рзиуеит акыр адунеихәаԥшышьақәа, идоуҳатә еиҭеира ашьҭахь изцәырҵыз. Егьырҭ иусумҭақәа зызку аҟазара атема ауп. Урҭ рахь иаҵанакуеит апиеса «Живои труп» (1890), аповест «Хаджи- Мурат» (1904). 1903 шықәсазы Лев Толстои ажәабжь хәыҷы иҩит, уи иахьӡын «После бала». Акьыԥхь абеит 1911 шықәсазы, ашәҟәыҩҩы даныԥсы аамышьҭахь.https://www.culture.ru/persons/8211/lev-tolstoi Лев Толстои иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Лев Толстои еиҳа деицырдыруан, адинхаҵаратә ԥхьагылаҩк иаҳасаб ала. Иара ихәыцрақәа ззырхаз амч ахархәара амҭакәа ацәгьара аҿагылара акәын. Иԥсы анҭаз иара ҿырԥшыгас дроуеит аӡәырҩы аурыс жәлар рхаҭарнакцәа. Аха, ус шакәызгьы, иара иҭаацәаратә ԥсҭазаараҟны акыр аилибамкаарақәа аҭыԥ рыман, урҭ аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы иҵархоит.Алитератор иԥшәмаԥҳәыс Софиа Андреи-иԥҳа лхаҵа идунеихәаԥшышьа ицеиҩылшомызт, уи ишьҭра иқәыз аӡәырҩы лбар ҟалаӡомызт, лассы – лассы Иаснаиа Полианаҟа иаауаз. Лара илҳәон: «Ауааԥсыра бзиа башьас ирымоузеи, уааигәа иҟоу бзиа ианумбо аамҭазы!». Ари аҭагылазаашьа нҵәара ақәымкәа, ас акраамҭа цашьа ауамызт аҟынтә, 1910 шықәсазы Лев Толстои ихатәҳақьым Д. П. Моковицки диманы зынӡа ҳәа Иаснаиа Полиана аанижьуеит, даҽакала иуҳәозар, ари ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҟны бналаран, уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт, уи аҭыԥ аман жьҭаарамза 28 ауха.http://www.l-tolstoy.ru/poslednie_gody.php Толстои иԥсра Лев Толстои «ибналара» аан амҩа дшықәыз игәы рахәымкәаны ибо далагеит. Раԥхьа иара ахьҭа илалеит, анаҩс агәаҵәыхь ичаԥеит, уи иахҟьаны Лев Толстои адәыӷба дҭыган раԥхьатәи станциа дук аҟны. Ари астанциа Астапово ахьӡын (иахьа Липецктәи аобласт). Ашәҟәыҩҩы ичымазара атәы иаразнак зегьы ирылаҵәеит. Фҩык аҳақьымцәа уи иеиқәырхаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха ачымазара рзаанымкылеит. Абҵарамза 7, 1910 шықәсазы Лев Николаи-иԥа Толстои, 83 шықәса дшырҭагылаз, иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардеит Иаснаиа Полиана. Агазеҭқәа рҟны акәзар, ирнылеит аимператор Николаи II ирезолиуциа, Лев Николаи-иԥа Толстои иԥсҭазаара алҵразы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәахә шьаҭас иҟаҵаны.http://russkay-literatura.ru/analiz-tvorchestva/62-tolstoj-ln-russkaya-literatura/333-smert-tolstogo.html Аинтерес зҵоу афактқәа Лев Толстои деицырдыруеит даара аҵакы змоу аԥҵамҭақәа рыла мацара акәымкәа. Уи иҩит, иара убасгьы, «Азбука», насгьы «Аԥхьаразы ашәҟәы» ахәыҷқәа рзын; Зегьреиҳа аҵакы змаз аԥҵамҭа «Воина и Мир» Толстои рацәак бзиа ибомызт, «многословная дребедень» ҳәа азиҳәон; Лев Николаи-иԥа аамсҭатә титул аграф ҳәа ихҵан; Лев Толстои амаца ахәмарра бзиа ибон. Еснагь даара иҽазҵәылхны дыхәмаруан, аха даҵахон, уи ифинансттә ҭагылазаашьа акыр ианыԥшуан; Толстои Шекспир иҟазара, драматургк иаҳасаб ала, даара акритика азиуан, «Шекспири адрамеи» захьӡыз аочеркгьы икьыԥхьит, уа иара Шекспир иҩымҭақәа еилырганы дрыхцәажәеит; Толстои иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иара иҭынхеит иԥҳәыси жәаҩык ахшареи.https://100-faktov.ru/xx-interesnyx-faktov-iz-zhizni-lva-tolstogo/ Азгәаҭақәа Акатегориа:Цәыббрамза 9 рзы ииз Акатегориа:1828 шықәсазы ииз Акатегориа:Абҵарамза 20 рзы иԥсыз Акатегориа:1910 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Аурыс шәҟәыҩҩыцәа
37723
https://ab.wikipedia.org/wiki/Карибтәи_акризис
Карибтәи акризис
[[Афаил:John_Kennedy,_Nikita_Khrushchev_1961.jpg|мини|Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Джон Кеннедии СССР амаӡаныҟәгаҩ хада Никита Хрушьиови]] '''Карибтәи акризис''' – ари ҭоурыхтә терминуп, иара иаанаго акыр иуадаҩу аполитикатә, адипломатиатә, арратә еиҿагылара ауп, октиабр мза 1962 шықәсазы Асовет Еидгылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара иҟаз аҭагылазаашьа ҷыдақәа аазырԥшуа. Уи зыхҟьаз СССР арбџьармчқәа рырхәҭақәа, атехникеи абџьари, аиадертә бџьаргьы налаҵаны, маӡала Кубаҟа рнагареи рышьақәыргылареи ауп.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/domestic_history/text/2046816 |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2023-01-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230104003439/https://bigenc.ru/domestic_history/text/2046816 |url-status=dead }}</ref> == Карибтәи акризис == ''Сара исыздырам, ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра ҟалар иарбан бџьару усҟан ахархәара зыҭахо, аха аԥшьбатәи – ахаҳәқәеи алабақәеи рыла акәхоит.'' (Альберт Еинштеин). «Карибтәи акризис» ҳәа изышьҭоу ари зегь реиҳа иуадаҩыз политикатә конфликтуп СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара аибашьра хьшәашәа анцоз аамҭазы. Усҟан ахҭысқәа зегьы убас имҩаԥысуан, иалагарц алшон ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра Еиду Америкатәи Аштатқәеи НАТО-и ганкахьала, даҽа ганкахьала СССР-и, насгьы Варшаватәи еиқәшаҳаҭу атәылақәеи рыбжьара. Усҟантәи аамҭазы аконфликт зыбжьаз аҩганкгьы аиадертә бџьар рыман аҟнытә, ахҭысқәа рыҿиашьа адраматә ҵыхәтәа аиурц алшон. Анцәа иҟынтә, арҭ атәылақәа усҟантәи раԥхьагылацәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Джон Кеннедии СССР амаӡаныҟәгаҩ хада Никита Хрушьиови акыр аҟәыӷара аадырԥшит, еиқәышаҳаҭрак иазнеины аконфликт аҿиара аанкыларазы.<ref>https://histrf.ru/lenta-vremeni/event/view/karibskii-krizis</ref> Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга ашьҭахь адунеи зегьы ҩ-лагеркны аҽашеит уҳәар алшоит: акапиталисттә Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Мраҭашәаратәи Европеи зхагылази, асоциалисттә СССР-и Мрагыларатәи Европеи зхадараҿы иҟази (анаҩс урҭ ирыцлеит Китаи, Виетнам, Ҩадатәи Кореиа) ҳәа. Ҩ-лагерк рыбжьара иалагеит - «Аибашьра хьшәашәа» ҳәа зыхьӡырҵаз бџьарла аҽеиқәыршәара, аҭҵаарадырратә еихьӡарақәа рзы аицлабра, акосмос анапахьы аагара уҳәа уб. иҵ. Абра иҳәатәуп «аибашьра хьшәашәа» адунеи атәылақәак рҟны зынӡагьы ишыхьшәашәамыз иаҳҳәозар: Кореиатәи аибашьра – 1950–1953 шш., Виетнамтәи аибашьра – 1960–1970 шш. аха арҭ еиҳа локалтә еибашьрақәан. Америкатәи аконтитнент аҟны асоциалисттә лагер иаҭыԥны иҟалеит Куба. 1959 шықәсазы, Кубатәи ареволиуциа аҭыԥантәи амчрақәа ирзырхаз ашьҭахь, уи дахагылеит адиктатор Фидель Кастро, иара иоуп иагьрылазҳәо «акоммунизм аргыларазы» акурс. Куба СССР иаҩызахеит, насгьы раԥхьатәи коммунисттә ҳәынҭқаррахеит «аокеан егьи аганахь». Акоммунисттә Куба аҟазаара америкаа даара иаргәамҵуан, ҭаха рнаҭомызт, уи ҭыԥла Еиду Америкатәи Аштатқәа иахьырзааигәаз мацаразгьы.<ref>{{Cite web |url=https://www.postkomsg.com/history/226350/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2021-10-24 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211024224223/https://postkomsg.com/history/226350/ |url-status=dead }}</ref> Америкаа ашәарҭара рхырхырц азы, 1960 шықәсазы, Ҭырқәтәыла аракетатә база аԥырҵоит. Ари абаза аҟны ишьақәыргылан аиадертә арратә хқәа змаз аракетақәа, арҭ аракетақәа Москванӡа инаӡар рылшон, ахԥатәи аибашьра ианналага аамҭазгьы, Москва аиадертә шәарҭара ӷәӷәа иҭагылон. Убри аҟынтә Асоветтә напхгара ирыӡбоит, ас еиԥш аҭагылазаашьа ҭакда иааныжьтәым ҳәа, уи аҭакс иӡбан Куба аиадертә шьақәгылақәа рықәыргылара, урҭ аконфликт аамҭазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рықәгара иазырхахон. Абра иҳәатәуп, Куба асоветтә аиадертә ракетақәа рықәыргылара маӡала ишыҟаҵаз. Убас ҽнак, амра каахха ианыԥхоз, америкаа анааԥш рааҵраҿы, Куба аҵакырадгьыл аҟны игәарҭеит дара рахь ирхаз асоветтә иадертә ракетақәа. Убри аҽны инаркны иалагеит «Карибтәи акризисгьы».<ref>https://obrazovaka.ru/istoriya/karibskiy-krizis-1962-goda-kratko.html</ref> Акризис зыхҟьаз амзызқәа: #Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и бџьарла аҽеиқәыршәара ахыццакра; #СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара аполитикатә хырхарҭа аҿы аиҿаргылара; #Аидеологиатә конфликтқәа; #СССР егьырҭ атәылақәа ирзыҟанаҵоз ацхыраара; #Кубатәи ареволиуциа 1959 шықәсазы;<ref>https://rosuchebnik.ru/material/karibskiy-krizis-1962-goda-na-grani-mirovoy-katastrofy/</ref> ===Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и бџьарла рҽеиқәыршәара=== Ари амзыз атәы хыхьгьы иҳәан. Аха, иазгәаҭатәуп арҭ аҩҳәынҭқаррак инеиҭак-ааиҭакны аԥхьагылара шрымаз, уи мзыз хадангьы ишыҟаз. СССР акәзар, ааглыхра даара аҿиара аман атәылахьчара ахырхарҭаҟны, атәыла арыцҳаратә ҭагылазаашьа ишҭанаргылазгьы, избанзар уи ахырхарҭаҟны аус зуаз ауаа рџьабаа цәгьан, рџьатә ҭагылазаашьақәа ҽеимызт. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны акәзар, аҭагылазаашьа, маҷк акәзаргьы, еиӷьын. ===СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара аполитикатә хырхарҭа аҿы аиҿаргылара=== Ари ақәԥара мҩаԥысуан аполитикатә хырхарҭа аҿы. Адунеи аҟны идууз ҩ-ҳәынҭқаррак аԥхьагылара иазықәԥон. Уи иахҟьеит 1961 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рракетақәа Ҭырқәтәыла рышьақәыргылара. Аракетақәа рхы рхан Асовет Еидгыла аганахь. Иазгәаҭатәуп, арҭ аракетақәа рхархәара адунеи зегьы аҟны аԥсҭазаара ықәнагарц шалшоз, убри аҟара иӷәӷәан урҭ рымч. СССР ари аҭак ҟамҵашьа амамызт аҟынтә, 1962 шықәсазы аоперациа «Анадырь» аан, асоветтә ракетақәа Куба ишьақәыргылан. Абри ашьҭахь, Еиду Америкатәи Аштатқәа акарантин аларгалоит, уи ззырхаз Кубаҟа абџьар анагара зынӡа аанкылара акәын. Убри аан Куба зегьы бџьарда иаанхеит уҳәар алшоит.<ref>https://militaryarms.ru/voennye-konflikty/karibskij-krizis/</ref> ===Аидеологиатә конфликтқәа=== СССР анапхгара хықәкыс ирыман асоциалисттә идеологиа адунеи зегьы аҟны аларҵәара. Ари аидеологиа ааигәатәи азиа атәылақәа рҟны иаларҵәан, иара убасгьы Ладатәи Америка аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы. Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аидеологиа аларҵәара иаҿагылон, избанзар аԥхьагылара аҭыԥ аанкыло, дара рдемократиеи акзаара аидеиеи аларҵәара иашьҭан. Аҩҳәынҭқарракгьы аидеологиатә қәԥарақәа рҟны аихьӡарақәа ахьроузгьы ыҟоуп. ===СССР егьырҭ атәылақәа ирзыҟанаҵоз ацхыраара=== СССР хәыдаԥсадатәи ацхыраара рзыҟанаҵон акыр арыцҳаратә ҭагылазаашьа змаз атәылақәа,. Арҭ атәылақәа реиҳарак ахьыҟаз Африка ауп, даҽакала иуҳәозар, Асовет Еидгыла африкатәи аконтинент зегьы ацхыраара азыҟанаҵон. Ас еиԥш аҭагылазаашьа Еиду Америкатәи Аштатқәа рнапхгара, ҳәарада, иргәаԥхомызт. Убри анаҩсгьы, СССР латинтәи америкатәи аҳәынҭқаррақәа ирыцхраауан, убри аҟынтә, СССР егьырҭ атәылақәа рҟны иамаз анырра Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳәаақәа рҟынӡа инаӡо иалагеит. ===Кубатәи ареволиуциа 1959 шықәсазы=== Кубатәи ареволиуциа даҽа мзызхеит Карибтәи акризис алагаразы. Ареволиуциа аҟны аиааира згаз Фидель Кастро СССР аиҳабыра рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәыргыланы иман, Еиду Америкатәи Аштатқәа ас еиԥш аизыҟазаашьа иаҿагылон, избанзар, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Куба аҵакырадгьыл Еиду Америкатәи Аштатқәа ирзааигәан. Фидель Кастро Куба америкаа рнырхара даҿагылон. Кубеи СССР-и рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа шьақәыргылан, убри аан, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟынтәи Куба ашҟа анефт анагара аанкылан. Анефть СССР- нтәи мшынла акәын ишроуаз. Еиду Америкатәи Аштатқәа рзы ари аҭагылазаашьа даара ифеидамызт, аполитикатәгьы аекономикатәгьы гәаанагарақәа рыла.<ref>{{Cite web |url=https://doblest.club/konflikty/209-karibskij-krizis-prichiny-hronologiya-razreshenie-itogi |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2022-08-14 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220814004037/https://doblest.club/konflikty/209-karibskij-krizis-prichiny-hronologiya-razreshenie-itogi |url-status=dead }}</ref> == Карибтәи акризис ахҭысқәа == Октиабр 14, 1962 шықәсазы ЦРУ аналитикцәа Куба ирыԥшаауеит асоветтә иадертә ракетақәа. Абри ашьҭахь, Пентагон иаразнак иалагоит ари ашәарҭара аҭак аҟаҵара. Аӡәырҩы аинралцәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Джон Кеннеди идыргалон Куба абомбақәа рыла алахысра, насгьы адесанттә арратә операциа алагара. Аха ас еиԥш аусқәа Еиду Америкатәи Аштатқәа Куба, иара убасгьы, Асоветтә Социалисттә Республикеи рганахь ала агрессорны иаанарԥшуан. Убри аҟынтә убас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит, арратә операциа амҩаԥгара ахаҭыԥан, Куба акәшамыкәша, 500 амшынтә миль иахьаҵанакуа карантинтә зонаны рылаҳәара, насгьы дгьылбжьахак аҟынтә даҽа дгьылжьахак ахь анеиааира аблокада азура. Убри аан, иара убасгьы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аилатәара аҟны Еиду Америкатәи Аштатқәа СССР ахара адырҵеит имҩаԥыргоз аусқәа ахьымаӡаз азы, аҳәамҭагьы ҟарҵеит ари аконфликт иарбанызаалакгьы аҿиашьа иоууа ишазыхиоу азы. НАТО-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рырхәҭақәа иҳараку азыҟаҵарахь ииаган. Адунеи зегьы аԥсы ӡаны ари аконфликт аҿиашьа иашьклаԥшуан. Адипломатиатә еиҿцәажәарақәа мчыбжьык имҩаԥысуан. Хрушьиови Кеннедии акыр ажәақәа еимырдеит. Уи иалҵшәахеит аҩганк аиқәышаҳаҭреи акомпромисси рзааира: СССР аиадертә ракетақәа Кубантәи иқәнагеит, насгьы, Еиду Америкатәи Аштатқәа адгьылбжьаха ақәлара азы иҟарҵоз аусқәа ааннакылоит, иара убасгьы, адгьылбжьаха аҟынтәи иахырхуеит амшынтә блокада, Ҭырқәтәылантәигьы аракетақәа ықәыргоит. Карибтәи акризис алагара атәы уҳәозар, уи иамшны иԥхьаӡоуп жьҭаара 14, 1962 шықәса, иагьхыркәшан октиабр 28, 1962 шықәсазы, даҽакала иуҳәозар, Карибтәи акризис цон ҩымчыбжьа. Аха ари ҩымчыбжьа иалагӡаны, адунеи даҽазны еиԥшымкәа аиадретә еибашьра алагара даара иазааигәан.<ref>https://usamagazine.ru/karibskij-krizis/</ref> == Карибтәи акризис алҵшәақәа == '''1. СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхаҭарнакцәа акомпромисс иазааит.''' Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рыбжьара аиқәышаҳаҭра шьақәыргылан, уи инақәыршәаны, Куба акарантин аԥыхын, уаантәи аракетақәа алыргон, Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь ирханы игылаз. Ҭырқәтәылантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рракетақәа ралгара азҵаара акәзар, макьаназ аԥхьаҟатәи ԥеиԥшк аҳасаб ала иахәаԥшуан.<ref>http://intjournal.ru/posledstviya-i-uroki-karibskogo-krizisa/</ref> '''2. Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа рахьтә имцыркыз рцәырҵра'''. Аҩҳәынҭқарра дук реиҳабырақәа рҟны иҟан убас еиԥш ауаа, ари аконфликт ахьынӡаҟаз аиҳа ацҵара згәы иазыҳәоз, иҟаз аҭагылазаашьа згәаԥхоз, избанзар дара ари аҭагылазаашьа аԥара алаҟарҵон. Убри аҟынтә, акризистә ҭагылазаашьа аӡбара ргәы иахәомызт. Ишазгәаҭоу ала, абас еиԥш иҟаз ауаа рчарҳәара ауп Джордж Кеннеди ишьреи, Никита Сергеи-иԥа Хрушьиов иҭыԥ аҟынтә иахҳәареи зыбзороу. '''3. Аҭелтә цәаҳәақәа рышьақәыргылара'''. Аконфликт аныӡбаха ашьҭахь Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рыбжьара аҭелтә еимадара шьақәыргылан, уи аамҭазы ателеграф ахархәара уи аҟара иманшәаламызт аҟынтә, аҩҳәынҭқаррак рхадацәа, ҭагылазаашьа ҷыдак аҭыԥ анамаз аамҭазы иаарласны еицәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵан. '''4. Иалаӡыз рхыԥхьаӡара'''. Акризис анеиқәтәа ашьҭахь, уиаан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡаразы дырра ҳәа акагьы ҟаҵамызт, избанзар СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рзы қьар ҳәа акагьы амамызт. Аха, 2017 шықәсазы ираргаман адокументқәа, урҭ инарықәыршәаны Карибтәи акризис аан иҭахаз Асовет Еидгыла атәылауаа рхыԥхьаӡара 64- ҩык ыҟан. '''5. Аибашьраҿагыларатә ҵысра'''. Акризис ашьҭахь, акыр адунеи атәылақәа рҟны ирылагеит аибашьра - ҿагыларатә ҵысрақәа, убри аҟынтә, СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рнапы злакыз бџьарла аиқәыршәаразы аусқәа ԥкын, аха зынӡа иаанкыламызт. Аиадертә бомба аԥҵаҩы Академик Сахаровгьы дықәгылон бџьарла аиқәыршәара аус аанкылазарц, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа хнырҳәышьа змам арыцҳарақәа ахылҿиаар алшоит ҳәа иҳәон. '''6. Ақәԥара аанкылара'''. Бџьарла аиқәыршәаразы аусқәа аҩбатәи аҭыԥ ахь инаскьеит, аха убри аамҭаз СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи ззықәԥоз ишазықәԥоз иаанхеит, ари ақәԥара анаукатә хырхарҭа аиуит, уи еиҳарак иззырхаз акосмос анапахьы аагара акәын. Абриак заҵәык ауп бзиарас иахылҿиааз ҩ-ҳәынҭқарра дук рықәԥара. Абарҭқәа зегьы акосмостә ааглыхра аҿиарахьы икылнагеит, ауаҩы акосмос ахь дыԥрит, насгьы Амзаҟны ауаҩы атәара илшеит.<ref>https://mgimo.ru/cuban50/228875.html</ref> == Аҵԥыхәтәажәа == Карибтәи амшын абассеин аҟны аиҿагылара ари машәыршәа иҟалаз хҭысым. СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи шьаҿа-шьаҿала ари аиҿагылара иазнеит: Суецктәи 1957 шықәсазтәи акризис, Берлинтәи 1961 шықәсазтәи. Аха жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа XX ашәышықәсазтәи адраматургиа аныԥшит 1962 шықәсазтәи Карибтәи акризис. Аԥшыхәҩы Николаи Леонов, Еиду Америкатәи Аштатқәа рмаҵзура ҷыдақәа ирҿагыланы аус зуаз, адырра злаҟаиҵаз ала, Еиду Америкатәи Аштатқәа Куба ақәлара ргәы иҭан октиабрмзазы, аха уи ахаҭыԥан аиҿагылара цәырҵит СССР абомбақәа уахь ианнанага ашьҭахь. Асоветтә ракетақәа рыдагьы, Вашингтон Кастро ирежим ықәнагаргьы алшон, аха аиадертә еибашьра ашәарҭара ауп иалзыршаз Америка агәҭакы аанкылара. Иахьазы, Москвеи Вашингтони реизыҟазаашьақәа – ари хыхь зыбахә ҳәоу ашьҭахьтәи конфронтациоуп, астратегиатә ҟазшьа амаӡам. Арҭ аҩганк иобиективтәу рымчқәа 1962 шықәса раахыс реиҿырԥшра даара иуадаҩуп. Гәыҩбара амамкәа иаанхоит акы: аиадертә паритет хәдықәҵара ҳаракы аҟазаара. Насгьы, иҟоуп аилкаара, актәи ахы ҭзырҟьазаалакгьы – уи ҽшьрак ишаҩызоу аганқәа зегьы рзы, убри аҟынтә ари ахырхарҭа аҟны хыԥхьаӡара рацәала аиқәышаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩуп. Аха, аӡәырҩы аполитологцәа ргәаанагарала, Карибтәи акризис амшқәа раан аасҭа, арратә еидыслара иахьатәи аамҭазы еиҳа ашәарҭара аҵоуп.<ref>{{Cite web |url=http://www.fullhistoria.ru/istorias-1105-1.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2024-01-26 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240126124229/http://www.fullhistoria.ru/istorias-1105-1.html |url-status=dead }}</ref> == Алкаақәа == Иазгәаҭатәуп Карибтәи акризис ишаҵанакуаз иҵоурам амоментқәа реиԥш иҵоуроугьы. Уи иабзоурахеит бџьарла аиқәыршәаразы аҽазышәарақәа реиԥхьбара, насгьы, аҩҳәынҭқаррак рымчқәа зегьы анаука аҿиара иахьазынархаз. Убри анаҩсгьы, иаанкылан аидеологиатә қәԥара, иара убасгьы СССР атәылауаа жәларбжьаратәи аицлабрақәеи афестивальқәеи рхы рыладырхәуан аҳәынҭқарраҿ аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусура иргон, мамзаргьы урҭ туристцәақәак раҳасаб ала аҳәынҭқарра иаднакыло ианалага аҭагылазаашьа иҵегьы иҭышәынтәалахеит.<ref>{{Cite web |url=https://textbooks.studio/uchebnik-mejdunarodnie-otnosheniya/karibskiy-krizis-ego-mejdunarodnyie-posledstviy.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-26 |archive-date=2017-11-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20171104204059/http://textbooks.studio/uchebnik-mejdunarodnie-otnosheniya/karibskiy-krizis-ego-mejdunarodnyie-posledstviy.html |url-status=dead }}</ref> ==Алитература== * Лавренов С. Я., Попов И. М. Карибский кризис: мир на грани катастрофы // Советский Союз в локальных войнах и конфликтах. * Добрынин А. Ф. Сугубо доверительно. Посол в Вашингтоне при шести президентах США (1962—1986 гг.). М.: Автор, 1996. * Кеннеди Р. 13 дней. Свидетельство о кубинском кризисе = Thirteen Days: A Memoir of the Cuban Missile Crisis. — Paris: Editions de la Seine, 1969. * Манойлин В. И. Базирование Военно-морского флота СССР. — СПб.: Изд. «Нева», 2004. * Микоян С. А. Анатомия Карибского кризиса. — Изд. Academia, 2006. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа аполикика]] [[Акатегориа:СССР аполитика]]
Карибтәи акризис – ари ҭоурыхтә терминуп, иара иаанаго акыр иуадаҩу аполитикатә, адипломатиатә, арратә еиҿагылара ауп, октиабр мза 1962 шықәсазы Асовет Еидгылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара иҟаз аҭагылазаашьа ҷыдақәа аазырԥшуа. Уи зыхҟьаз СССР арбџьармчқәа рырхәҭақәа, атехникеи абџьари, аиадертә бџьаргьы налаҵаны, маӡала Кубаҟа рнагареи рышьақәыргылареи ауп. Карибтәи акризис Сара исыздырам, ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра ҟалар иарбан бџьару усҟан ахархәара зыҭахо, аха аԥшьбатәи – ахаҳәқәеи алабақәеи рыла акәхоит. (Альберт Еинштеин). «Карибтәи акризис» ҳәа изышьҭоу ари зегь реиҳа иуадаҩыз политикатә конфликтуп СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара аибашьра хьшәашәа анцоз аамҭазы. Усҟан ахҭысқәа зегьы убас имҩаԥысуан, иалагарц алшон ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра Еиду Америкатәи Аштатқәеи НАТО-и ганкахьала, даҽа ганкахьала СССР-и, насгьы Варшаватәи еиқәшаҳаҭу атәылақәеи рыбжьара. Усҟантәи аамҭазы аконфликт зыбжьаз аҩганкгьы аиадертә бџьар рыман аҟнытә, ахҭысқәа рыҿиашьа адраматә ҵыхәтәа аиурц алшон. Анцәа иҟынтә, арҭ атәылақәа усҟантәи раԥхьагылацәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Джон Кеннедии СССР амаӡаныҟәгаҩ хада Никита Хрушьиови акыр аҟәыӷара аадырԥшит, еиқәышаҳаҭрак иазнеины аконфликт аҿиара аанкыларазы.https://histrf.ru/lenta-vremeni/event/view/karibskii-krizis Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга ашьҭахь адунеи зегьы ҩ-лагеркны аҽашеит уҳәар алшоит: акапиталисттә Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Мраҭашәаратәи Европеи зхагылази, асоциалисттә СССР-и Мрагыларатәи Европеи зхадараҿы иҟази (анаҩс урҭ ирыцлеит Китаи, Виетнам, Ҩадатәи Кореиа) ҳәа. Ҩ-лагерк рыбжьара иалагеит - «Аибашьра хьшәашәа» ҳәа зыхьӡырҵаз бџьарла аҽеиқәыршәара, аҭҵаарадырратә еихьӡарақәа рзы аицлабра, акосмос анапахьы аагара уҳәа уб. иҵ. Абра иҳәатәуп «аибашьра хьшәашәа» адунеи атәылақәак рҟны зынӡагьы ишыхьшәашәамыз иаҳҳәозар: Кореиатәи аибашьра – 1950–1953 шш., Виетнамтәи аибашьра – 1960–1970 шш. аха арҭ еиҳа локалтә еибашьрақәан. Америкатәи аконтитнент аҟны асоциалисттә лагер иаҭыԥны иҟалеит Куба. 1959 шықәсазы, Кубатәи ареволиуциа аҭыԥантәи амчрақәа ирзырхаз ашьҭахь, уи дахагылеит адиктатор Фидель Кастро, иара иоуп иагьрылазҳәо «акоммунизм аргыларазы» акурс. Куба СССР иаҩызахеит, насгьы раԥхьатәи коммунисттә ҳәынҭқаррахеит «аокеан егьи аганахь». Акоммунисттә Куба аҟазаара америкаа даара иаргәамҵуан, ҭаха рнаҭомызт, уи ҭыԥла Еиду Америкатәи Аштатқәа иахьырзааигәаз мацаразгьы. Америкаа ашәарҭара рхырхырц азы, 1960 шықәсазы, Ҭырқәтәыла аракетатә база аԥырҵоит. Ари абаза аҟны ишьақәыргылан аиадертә арратә хқәа змаз аракетақәа, арҭ аракетақәа Москванӡа инаӡар рылшон, ахԥатәи аибашьра ианналага аамҭазгьы, Москва аиадертә шәарҭара ӷәӷәа иҭагылон. Убри аҟынтә Асоветтә напхгара ирыӡбоит, ас еиԥш аҭагылазаашьа ҭакда иааныжьтәым ҳәа, уи аҭакс иӡбан Куба аиадертә шьақәгылақәа рықәыргылара, урҭ аконфликт аамҭазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рықәгара иазырхахон. Абра иҳәатәуп, Куба асоветтә аиадертә ракетақәа рықәыргылара маӡала ишыҟаҵаз. Убас ҽнак, амра каахха ианыԥхоз, америкаа анааԥш рааҵраҿы, Куба аҵакырадгьыл аҟны игәарҭеит дара рахь ирхаз асоветтә иадертә ракетақәа. Убри аҽны инаркны иалагеит «Карибтәи акризисгьы».https://obrazovaka.ru/istoriya/karibskiy-krizis-1962-goda-kratko.html Акризис зыхҟьаз амзызқәа: Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и бџьарла аҽеиқәыршәара ахыццакра; СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара аполитикатә хырхарҭа аҿы аиҿаргылара; Аидеологиатә конфликтқәа; СССР егьырҭ атәылақәа ирзыҟанаҵоз ацхыраара; Кубатәи ареволиуциа 1959 шықәсазы;https://rosuchebnik.ru/material/karibskiy-krizis-1962-goda-na-grani-mirovoy-katastrofy/ Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и бџьарла рҽеиқәыршәара Ари амзыз атәы хыхьгьы иҳәан. Аха, иазгәаҭатәуп арҭ аҩҳәынҭқаррак инеиҭак-ааиҭакны аԥхьагылара шрымаз, уи мзыз хадангьы ишыҟаз. СССР акәзар, ааглыхра даара аҿиара аман атәылахьчара ахырхарҭаҟны, атәыла арыцҳаратә ҭагылазаашьа ишҭанаргылазгьы, избанзар уи ахырхарҭаҟны аус зуаз ауаа рџьабаа цәгьан, рџьатә ҭагылазаашьақәа ҽеимызт. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны акәзар, аҭагылазаашьа, маҷк акәзаргьы, еиӷьын. СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рыбжьара аполитикатә хырхарҭа аҿы аиҿаргылара Ари ақәԥара мҩаԥысуан аполитикатә хырхарҭа аҿы. Адунеи аҟны идууз ҩ-ҳәынҭқаррак аԥхьагылара иазықәԥон. Уи иахҟьеит 1961 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рракетақәа Ҭырқәтәыла рышьақәыргылара. Аракетақәа рхы рхан Асовет Еидгыла аганахь. Иазгәаҭатәуп, арҭ аракетақәа рхархәара адунеи зегьы аҟны аԥсҭазаара ықәнагарц шалшоз, убри аҟара иӷәӷәан урҭ рымч. СССР ари аҭак ҟамҵашьа амамызт аҟынтә, 1962 шықәсазы аоперациа «Анадырь» аан, асоветтә ракетақәа Куба ишьақәыргылан. Абри ашьҭахь, Еиду Америкатәи Аштатқәа акарантин аларгалоит, уи ззырхаз Кубаҟа абџьар анагара зынӡа аанкылара акәын. Убри аан Куба зегьы бџьарда иаанхеит уҳәар алшоит.https://militaryarms.ru/voennye-konflikty/karibskij-krizis/ Аидеологиатә конфликтқәа СССР анапхгара хықәкыс ирыман асоциалисттә идеологиа адунеи зегьы аҟны аларҵәара. Ари аидеологиа ааигәатәи азиа атәылақәа рҟны иаларҵәан, иара убасгьы Ладатәи Америка аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы. Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аидеологиа аларҵәара иаҿагылон, избанзар аԥхьагылара аҭыԥ аанкыло, дара рдемократиеи акзаара аидеиеи аларҵәара иашьҭан. Аҩҳәынҭқарракгьы аидеологиатә қәԥарақәа рҟны аихьӡарақәа ахьроузгьы ыҟоуп. СССР егьырҭ атәылақәа ирзыҟанаҵоз ацхыраара СССР хәыдаԥсадатәи ацхыраара рзыҟанаҵон акыр арыцҳаратә ҭагылазаашьа змаз атәылақәа,. Арҭ атәылақәа реиҳарак ахьыҟаз Африка ауп, даҽакала иуҳәозар, Асовет Еидгыла африкатәи аконтинент зегьы ацхыраара азыҟанаҵон. Ас еиԥш аҭагылазаашьа Еиду Америкатәи Аштатқәа рнапхгара, ҳәарада, иргәаԥхомызт. Убри анаҩсгьы, СССР латинтәи америкатәи аҳәынҭқаррақәа ирыцхраауан, убри аҟынтә, СССР егьырҭ атәылақәа рҟны иамаз анырра Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳәаақәа рҟынӡа инаӡо иалагеит. Кубатәи ареволиуциа 1959 шықәсазы Кубатәи ареволиуциа даҽа мзызхеит Карибтәи акризис алагаразы. Ареволиуциа аҟны аиааира згаз Фидель Кастро СССР аиҳабыра рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәыргыланы иман, Еиду Америкатәи Аштатқәа ас еиԥш аизыҟазаашьа иаҿагылон, избанзар, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Куба аҵакырадгьыл Еиду Америкатәи Аштатқәа ирзааигәан. Фидель Кастро Куба америкаа рнырхара даҿагылон. Кубеи СССР-и рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа шьақәыргылан, убри аан, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟынтәи Куба ашҟа анефт анагара аанкылан. Анефть СССР- нтәи мшынла акәын ишроуаз. Еиду Америкатәи Аштатқәа рзы ари аҭагылазаашьа даара ифеидамызт, аполитикатәгьы аекономикатәгьы гәаанагарақәа рыла. Карибтәи акризис ахҭысқәа Октиабр 14, 1962 шықәсазы ЦРУ аналитикцәа Куба ирыԥшаауеит асоветтә иадертә ракетақәа. Абри ашьҭахь, Пентагон иаразнак иалагоит ари ашәарҭара аҭак аҟаҵара. Аӡәырҩы аинралцәа Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Джон Кеннеди идыргалон Куба абомбақәа рыла алахысра, насгьы адесанттә арратә операциа алагара. Аха ас еиԥш аусқәа Еиду Америкатәи Аштатқәа Куба, иара убасгьы, Асоветтә Социалисттә Республикеи рганахь ала агрессорны иаанарԥшуан. Убри аҟынтә убас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит, арратә операциа амҩаԥгара ахаҭыԥан, Куба акәшамыкәша, 500 амшынтә миль иахьаҵанакуа карантинтә зонаны рылаҳәара, насгьы дгьылбжьахак аҟынтә даҽа дгьылжьахак ахь анеиааира аблокада азура. Убри аан, иара убасгьы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аилатәара аҟны Еиду Америкатәи Аштатқәа СССР ахара адырҵеит имҩаԥыргоз аусқәа ахьымаӡаз азы, аҳәамҭагьы ҟарҵеит ари аконфликт иарбанызаалакгьы аҿиашьа иоууа ишазыхиоу азы. НАТО-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рырхәҭақәа иҳараку азыҟаҵарахь ииаган. Адунеи зегьы аԥсы ӡаны ари аконфликт аҿиашьа иашьклаԥшуан. Адипломатиатә еиҿцәажәарақәа мчыбжьык имҩаԥысуан. Хрушьиови Кеннедии акыр ажәақәа еимырдеит. Уи иалҵшәахеит аҩганк аиқәышаҳаҭреи акомпромисси рзааира: СССР аиадертә ракетақәа Кубантәи иқәнагеит, насгьы, Еиду Америкатәи Аштатқәа адгьылбжьаха ақәлара азы иҟарҵоз аусқәа ааннакылоит, иара убасгьы, адгьылбжьаха аҟынтәи иахырхуеит амшынтә блокада, Ҭырқәтәылантәигьы аракетақәа ықәыргоит. Карибтәи акризис алагара атәы уҳәозар, уи иамшны иԥхьаӡоуп жьҭаара 14, 1962 шықәса, иагьхыркәшан октиабр 28, 1962 шықәсазы, даҽакала иуҳәозар, Карибтәи акризис цон ҩымчыбжьа. Аха ари ҩымчыбжьа иалагӡаны, адунеи даҽазны еиԥшымкәа аиадретә еибашьра алагара даара иазааигәан.https://usamagazine.ru/karibskij-krizis/ Карибтәи акризис алҵшәақәа 1. СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхаҭарнакцәа акомпромисс иазааит. Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рыбжьара аиқәышаҳаҭра шьақәыргылан, уи инақәыршәаны, Куба акарантин аԥыхын, уаантәи аракетақәа алыргон, Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь ирханы игылаз. Ҭырқәтәылантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рракетақәа ралгара азҵаара акәзар, макьаназ аԥхьаҟатәи ԥеиԥшк аҳасаб ала иахәаԥшуан.http://intjournal.ru/posledstviya-i-uroki-karibskogo-krizisa/ 2. Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа рахьтә имцыркыз рцәырҵра. Аҩҳәынҭқарра дук реиҳабырақәа рҟны иҟан убас еиԥш ауаа, ари аконфликт ахьынӡаҟаз аиҳа ацҵара згәы иазыҳәоз, иҟаз аҭагылазаашьа згәаԥхоз, избанзар дара ари аҭагылазаашьа аԥара алаҟарҵон. Убри аҟынтә, акризистә ҭагылазаашьа аӡбара ргәы иахәомызт. Ишазгәаҭоу ала, абас еиԥш иҟаз ауаа рчарҳәара ауп Джордж Кеннеди ишьреи, Никита Сергеи-иԥа Хрушьиов иҭыԥ аҟынтә иахҳәареи зыбзороу. 3. Аҭелтә цәаҳәақәа рышьақәыргылара. Аконфликт аныӡбаха ашьҭахь Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рыбжьара аҭелтә еимадара шьақәыргылан, уи аамҭазы ателеграф ахархәара уи аҟара иманшәаламызт аҟынтә, аҩҳәынҭқаррак рхадацәа, ҭагылазаашьа ҷыдак аҭыԥ анамаз аамҭазы иаарласны еицәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵан. 4. Иалаӡыз рхыԥхьаӡара. Акризис анеиқәтәа ашьҭахь, уиаан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡаразы дырра ҳәа акагьы ҟаҵамызт, избанзар СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рзы қьар ҳәа акагьы амамызт. Аха, 2017 шықәсазы ираргаман адокументқәа, урҭ инарықәыршәаны Карибтәи акризис аан иҭахаз Асовет Еидгыла атәылауаа рхыԥхьаӡара 64- ҩык ыҟан. 5. Аибашьраҿагыларатә ҵысра. Акризис ашьҭахь, акыр адунеи атәылақәа рҟны ирылагеит аибашьра - ҿагыларатә ҵысрақәа, убри аҟынтә, СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи рнапы злакыз бџьарла аиқәыршәаразы аусқәа ԥкын, аха зынӡа иаанкыламызт. Аиадертә бомба аԥҵаҩы Академик Сахаровгьы дықәгылон бџьарла аиқәыршәара аус аанкылазарц, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа хнырҳәышьа змам арыцҳарақәа ахылҿиаар алшоит ҳәа иҳәон. 6. Ақәԥара аанкылара. Бџьарла аиқәыршәаразы аусқәа аҩбатәи аҭыԥ ахь инаскьеит, аха убри аамҭаз СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи ззықәԥоз ишазықәԥоз иаанхеит, ари ақәԥара анаукатә хырхарҭа аиуит, уи еиҳарак иззырхаз акосмос анапахьы аагара акәын. Абриак заҵәык ауп бзиарас иахылҿиааз ҩ-ҳәынҭқарра дук рықәԥара. Абарҭқәа зегьы акосмостә ааглыхра аҿиарахьы икылнагеит, ауаҩы акосмос ахь дыԥрит, насгьы Амзаҟны ауаҩы атәара илшеит.https://mgimo.ru/cuban50/228875.html Аҵԥыхәтәажәа Карибтәи амшын абассеин аҟны аиҿагылара ари машәыршәа иҟалаз хҭысым. СССР-и Еиду Америкатәи Аштатқәеи шьаҿа-шьаҿала ари аиҿагылара иазнеит: Суецктәи 1957 шықәсазтәи акризис, Берлинтәи 1961 шықәсазтәи. Аха жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа XX ашәышықәсазтәи адраматургиа аныԥшит 1962 шықәсазтәи Карибтәи акризис. Аԥшыхәҩы Николаи Леонов, Еиду Америкатәи Аштатқәа рмаҵзура ҷыдақәа ирҿагыланы аус зуаз, адырра злаҟаиҵаз ала, Еиду Америкатәи Аштатқәа Куба ақәлара ргәы иҭан октиабрмзазы, аха уи ахаҭыԥан аиҿагылара цәырҵит СССР абомбақәа уахь ианнанага ашьҭахь. Асоветтә ракетақәа рыдагьы, Вашингтон Кастро ирежим ықәнагаргьы алшон, аха аиадертә еибашьра ашәарҭара ауп иалзыршаз Америка агәҭакы аанкылара. Иахьазы, Москвеи Вашингтони реизыҟазаашьақәа – ари хыхь зыбахә ҳәоу ашьҭахьтәи конфронтациоуп, астратегиатә ҟазшьа амаӡам. Арҭ аҩганк иобиективтәу рымчқәа 1962 шықәса раахыс реиҿырԥшра даара иуадаҩуп. Гәыҩбара амамкәа иаанхоит акы: аиадертә паритет хәдықәҵара ҳаракы аҟазаара. Насгьы, иҟоуп аилкаара, актәи ахы ҭзырҟьазаалакгьы – уи ҽшьрак ишаҩызоу аганқәа зегьы рзы, убри аҟынтә ари ахырхарҭа аҟны хыԥхьаӡара рацәала аиқәышаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩуп. Аха, аӡәырҩы аполитологцәа ргәаанагарала, Карибтәи акризис амшқәа раан аасҭа, арратә еидыслара иахьатәи аамҭазы еиҳа ашәарҭара аҵоуп. Алкаақәа Иазгәаҭатәуп Карибтәи акризис ишаҵанакуаз иҵоурам амоментқәа реиԥш иҵоуроугьы. Уи иабзоурахеит бџьарла аиқәыршәаразы аҽазышәарақәа реиԥхьбара, насгьы, аҩҳәынҭқаррак рымчқәа зегьы анаука аҿиара иахьазынархаз. Убри анаҩсгьы, иаанкылан аидеологиатә қәԥара, иара убасгьы СССР атәылауаа жәларбжьаратәи аицлабрақәеи афестивальқәеи рхы рыладырхәуан аҳәынҭқарраҿ аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусура иргон, мамзаргьы урҭ туристцәақәак раҳасаб ала аҳәынҭқарра иаднакыло ианалага аҭагылазаашьа иҵегьы иҭышәынтәалахеит. Алитература Лавренов С. Я., Попов И. М. Карибский кризис: мир на грани катастрофы // Советский Союз в локальных войнах и конфликтах. Добрынин А. Ф. Сугубо доверительно. Посол в Вашингтоне при шести президентах США (1962—1986 гг.). М.: Автор, 1996. Кеннеди Р. 13 дней. Свидетельство о кубинском кризисе = Thirteen Days: A Memoir of the Cuban Missile Crisis. — Paris: Editions de la Seine, 1969. Манойлин В. И. Базирование Военно-морского флота СССР. — СПб.: Изд. «Нева», 2004. Микоян С. А. Анатомия Карибского кризиса. — Изд. Academia, 2006. Азгәаҭақәа Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа аполикика Акатегориа:СССР аполитика
37724
https://ab.wikipedia.org/wiki/Бродски,_Иосиф_Александр-иԥа
Бродски, Иосиф Александр-иԥа
{{Акарточка ашәҟәыҩҩы}} '''Иосиф Александр-иԥа Бродски''' ({{date|24|5|1940}}, [[Санкт-Петербург]] — {{date|28|1|1996}}, [[Бруклин]]) – еицырдыруа аурыси америкатәи апоет, адраматург, аессеқәа зыҩуаз, аиҭагаҩ. Диит маи мза 24, 1940 шықәсазы Ленинград, ауриацәа рҭаацәара аҟны. 1987 шықәсазы иара адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхоит, алитература ахырхарҭала. 1996 шықәса, ианар мза 28 рзы, Иосиф Бродски иԥсҭазаара далҵит. Иара аԥхьа Ниу-Иорктәи аԥсыжырҭаҟны анышә дамардеит, аха анаҩс иԥсыжырҭа аҭыԥ еиҭаргоит, апоет наунагӡа изқәаҭыԥ ахьыҟалаз Сан-Микельтәи аԥсыжырҭаҟны ауп. Иосиф Бродски ибаҟа Урыстәыла иргылан 2005 шықәсазы, Санкт- Петербург ақалақь аҟны.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/literature/text/1884194 |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2022-10-17 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221017124941/https://bigenc.ru/literature/text/1884194 |url-status=dead }}</ref> == Ихәыҷреи иқәыԥшреи == Иосиф Бродски диит маи мза 24, 1940 шықәсазы Ленинград, ауриацәа рҭаацәара аҟны. Иара иаб, Александр Бродски, аибашьра зегьы дахысит арратә корреспондентк иаҳасаб ала. Аибашьра аҟынтә даныхынҳә, 1948 шықәса инаркны Арра-мшынтә музеи афотолабораториа аҟны аусура далагоит. 1950 шықәсазы аусура аҟынтә дцоит, Асоветтә архәҭақәа ауриацәа рҟынтә ианыдрыцқьа ашьҭахь. Аусурагьы далагоит фотоҭыхҩыс, анаҩс журналистс ленинградтәи агазеҭқәа руак аҟны.<ref>{{Cite web |url=https://lit-helper.com/p_Detstvo_i_yunost-_Brodskogo_I_A |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2024-01-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240127152055/https://lit-helper.com/p_Detstvo_i_yunost-_Brodskogo_I_A |url-status=dead }}</ref> Иосиф иан, Мариа Вольперт, занааҭла дҳасабеилыргаҩын. Иосиф иан лаҳәшьа – Дора Мольперт, БДТ аҟны дактрисан, иара убраҟагьы аус луан. Иосиф ихәыҷра зегьы аибашьра, аблокада, аибашьрашьҭахьтәи арыцҳара, абацәа рыҟамзаара аамҭа иақәшәеит. Аблокадатә ӡынра ашьҭахь, 1942 шықәсазы, иан лыҷкәын длыманы Череповецкҟа евакуациа дцоит. Рыҩныҟа игьежьуеит 1944 шықәсазы, Иосиф ашкол ахь дцеит хышықәса ааҵуаны. Быжьшықәса ашкол аҟны аҵара зҵоз Иосиф, ари аамҭа иалагӡаны ԥшь-школк иԥсахит, урҭ рҟны аамҭа рацәа даанхомызт. Абыжьбатәи акласс ашьҭахь, иара амшынтә ҵараиурҭахь идокументқәа алаиҵеит, аха дрыдрымкылеит. 1955 шықәсазы, Иосиф 15 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз, аха ашкол аанижьуеит, аабатәи акласс ахь ииасраны иҟаз аҷкәын азауад «Арсенал» ахь усура дцоит, ара афрезировшьик изанааҭ ала аҵара иҽазикуеит. Ас еиԥш аӡбамҭа иара идикылоит ашкол аҟны имаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, насгьы иҭаацәа зфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩыз ацхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны. Уаҟа агәаҳәара иоуит мҩаԥгаҩыс аҵара иҵарц, аха уигьы изамуит. Анаҩс, Иосиф амедицина дагәыланахалоит, уи азын иара аморг аҟны аусура далагеит, аха иаарласны игәы ахшәоит. Иара убасгьы инысмҩа аҟны алашарбага аҟны ус шиуаз азгәаҭоуп.<ref>https://www.youtube.com/watch?v=37sh0RWB0cg&t=38s</ref> Азанааҭқәа рҽырыԥсахуан, аха Бродски изыҟазаашьа шыҟац иаанхон. Иара бзиа ибон ашәҟәқәа рыԥхьара, иааибоз ашәҟәқәа зегьы дрыԥхьон уҳәар алшоит. Даара бзиа ибон ажәеинраалақәа, афилософиа иазкыз атрактатқәа. Иара даара иҽазҵәылхны атәым бызшәақәа рҵара далагоит, зынгьы иӡбоит, ҳаирпланк ӡаны СССР-нтәи абналаразы, ари аус иҩызцәагьы адиԥхьалоит. Аха арҭқәа баша гәазыҳәарақәан, урҭ аԥсҭазаара иаларҵәамызт.<ref>https://brodskiy.su/biografiya/</ref> == Алитература аҟны == Иосиф Бродски иҿцәажәарақәа раан еснагь иҳәон, раԥхьатәи иажәеинраалақәа шиҩыз жәаа шықәса анихыҵуаз. Аха ажурналистцәа аиашаҵәҟьа ҭырымҵаар рымуит, урҭ ирыԥшааит жәаа ихыҵаанӡатәи иаԥҵамҭақәа. Иосиф Бродски икалам иҵыҵит апоемақәа «Памятник Пушкину», «Рождественский романс», «От окраины к центру». Бродски даара бзиа ибон О. Мандельштам, М. Цветаева, Б. Пастернак, А. Ахматова реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа, уи Бродски иҩышьа астильгьы даараӡа ианыԥшит, анырра ӷәӷәагьы анаҭеит. 1961 шықәса рзын убас еиԥш иҟалеит Иосиф Бродскии Анна Ахматовеи еибадырыртә еиԥш. Еицырдыруаз апоетесса апоет қәыԥш Иосиф Бродски даара аҟазара илоуп ҳәа илыԥхьаӡон, уи иаԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шизыԥшыз азгәалҭон, излалылшоз алагьы дицхраауан. Иосиф иакәзар, Анна Ахматова лҟазара мацара акәмызт бзиа иибоз, уи уаҩык иаҳасаб ала даара длызгәдуун.<ref>https://modernlib.net/books/volkov_solomon/dialogi_s_iosifom_brodskim/read/</ref> Асовет Еиҳабыра даара ргәы иамыхәаз, Бродски раԥхьатәи иажәеинраала иахьӡын «Пилигримы», иагьҭыҵит иара 1958 шықәсазы. Уи инашьҭарххны иҩын даҽа жәеинраалакгьы – «Одиночество». Уа апоет ихәыцрақәа зызкыз иара иԥсҭазаараҟны ихҭысуази аԥхьаҟатәи иԥеиԥши ракәын, иҿаԥхьа акьыԥхьырҭақәа ашәқәа анадыркуаз аамҭазы. 1960 шықәса февраль мзазы Иосиф Бродски днарыԥхьоит ленинградтәи «Апоетцәа ртурнир» ашҟа. Уи асцена аҟынтә даԥхьоит ажәеинраала «Еврейское кладбище», ари аԥҵамҭа даара аҭыӡшәа ӷәӷәа ахылҿиааит алитературадырҩцәеи ауаажәларреи рыбжьара. 1963 шықәсазы агазеҭ «Вечерний Ленинград» астатиа акьыԥхьуеит, уа Бродски ахара идырҵоит иԥсҭазаашьазы. Иара убри астатиа аҟны иааган апоема «Шествие» ахәҭақәаки, егьырҭ иҩымҭақәа рыԥҵәахақәеи. Астатиа ҩын Иосиф Бродски атәым дгьыл бзиа ибозшәа, убри аан, иара ихатә тәыла аҳәынҵәа ақәиҭозшәа азгәаҭаны. Абри анаҩс иагьалагоит апоет иқәцарақәа, иаамырбрақәа аинстанциақәа зегьы рҟынтә.<ref>https://biographe.ru/znamenitosti/iosif-brodskiy/</ref> 1964 шықәса алагамҭаз иара убри агазеҭ асалам шәҟәқәа акьыԥхьит, аредакциаҟны ишазгәарҭоз ала, урҭ агәынамӡара аазырԥшуаз атәылауаа ирҩыз ракәын, дара Бродски иахьырхәра дҵаны иқәдыргылон. Мызки бжаки ааҵхьаны – февраль мза 13, 1964 шықәсазы Бродски дырбаандаҩын, аус ахьимуаз азы ахара идҵаны. Мышкы ааҵхьан, Иосиф Бродски изцәырҵыз агәыхь иахҟьаны абахҭаҟны иԥсҭазаара далҵырц акааигымхеит. Апоет усҟантәи иҭагылазаашьа иажәеинраалақәа - «Здравствуй, мое старение», «Что сказать мне о жизни?» ирныԥшит. Апоет даара иуадаҩны ихигон иганахь ала ирыдыркылоз аусмҩаԥгатәқәа. Иара убасгьы, иара ихатәы ԥсҭазаараҿгьы аиҭакрақәа ҟалеит, бзиа иибоз Марина Басманова даанлыжьуеит. Абарҭқәа зегьы ззеиқәылаз Бродски иҽишьырцгьы далагоит, аха деиқәхеит.<ref>https://rg.ru/2009/10/02/brodskij.html</ref> 1970 шықәсазы Иосиф Бродски «Не выходи из комнаты» захьӡыз ажәеинраала иҩуеит, уа иара игәҭахәыцрақәа, асовет уаҩы ауаажәларра аҟны иҭыԥ иадҳәалаз дрылацәажәоит. Апоет иқәымчрақәа, ишьҭазаарақәа аҭыԥ рыман 1972 шықәса ааԥынранӡа. Анаҩс, иара идыргалоит аамҭа кьаҿк (мамзаргьы еснагь) аԥсихиатриатә клиника аҟны дышьҭаларц, мамзаргьы атәыла далҵны дцарц. Уаанӡа Бродски «ахагацәа рыҩны» аҟны аҟазааразы акыр аԥышәа иоухьан, иагьиҳәон уа абахҭаҟны аасҭа ишеицәоу. Убри аҟынтә Иосиф Бродски аемиграциа дақәшаҳаҭхоит. 1977 шықәсазы иара Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь дцоит, иаарласнгьы ари аҳәынҭқарра датәылауаҩхоит. Аҳәаанырцәҟа дцаанӡа Иосиф Бродски илшоз зегьы ҟаиҵеит аҳәынҭқарра анапхгара иԥсадгьыл аҟны даанхартә еиԥш азин ирҭаразы. Ашәҟәы изиҩуеит усҟантәи амаӡаныҟәгаҩ Хада Леонид Брежнев, еиҭагаҩык иаҳасаб ала атәылаҿы даанижьырц азы. Аха иара ишәҟәы ҭакда иаанхеит. Бродски далахәын Лондон имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи апоезиатә фестиваль. Иара аурыс литература аҭоурыхи апоезиеи рырҵаҩыс дыҟан америкатәи ауниверситетқәа хԥа рҟны. Уи иаразнак дыргоит раԥхьа Мичигантәи, анаҩс Колумбиатәи, Ниу-Иорктәи ауниверситетқәа рҟны. Убриаан аҩрагьы даҟәымҵит. Иосиф Бродски аессе авторс дҟалоит, урҭ зегьы англыз бызшәала иҭрыжьуан. 1986 шықәсазы апоет ажәеинраалақәа реизга ҭижьит, уи «Меньше единицы» ахьӡын, шықәсык ааҵхьаны алитература ахырхарҭала адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхеит.<ref>https://www.culture.ru/persons/2115/iosif-brodskii</ref> 1985 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа Иосиф ажәеинраалақәа «Представление» «Памяти отца» иҩуеит, иара убасгьы аессе «Полторы комнаты». Арҭ апоезиатә цәаҳәақәеи апрозеи иара иҩныҵҟатәи идоуҳатә хьаа зегьы рныԥшуеит, уи зыдҳәалаз иԥсадгьыл ахь ахынҳәра азин ахьимамыз ауп, иара иҭаацәа рыжраҵәҟьа азингьы имоуит. Аиҭашьақәыргылара аамҭақәа ианрылага Иосиф Бродски иахь Асовет Еидгыла азыҟазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Акыр ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны иркьыԥхьуа иалагеит иара иажәеинраалақәа. 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵуа иалагеит иажәеинраалақәа реизгақәа. Насгьы, Иосиф ааԥхьара ирҭо далагеит Урыстәылаҟа нхара ҳәа даарц азы, аха иара уи ақәшаҳаҭхара дахыццакуамызт, иҭахымызт ажурналистцәа рықәшәара, иӡбахә рҳәо аҟаҵара. Усҟантәи аамҭазтәи иара иҩныҵҟатәи игәҭахәыцрақәа иҩымҭақәа «Письмо в оазис» «Итака» рҟны ианыԥшит.<ref>https://nacion.ru/477597a-iosif-brodskiy-biografiya-i-tvorchestvo</ref> == Бродски ихатәы ԥсҭазаара == Иосиф Бродски раԥхьаӡа абзиабара изцәырҵит 1962 шықәсазы. Иара даара бзиа дибоит асахьаҭыхҩы Марина Басманова. Анаҩс акраамҭа уи длеиҽырбон, абри ашьҭахь ауп аҭаацәара анаԥырҵа. 1968 шықәса рзы дара дрыхшоит аԥа Андреи, аха ари аҭагылазаашьа аҭаацәара ӷәӷәаӡа иҟанамҵеит. Ахәыҷы дшааизҵәҟьа еилыҵит уҳәар алшоит. 1990-тәи ашықәс азы, Бродски ихатәы ԥсҭазаара аҟны дцәырҵуеит Мариа Соцциани, Италиатәи аристократка. Лара лыбжа аурысын, лан лганахьала лҭынхацәа Урыстәыла инхон. Дара убри ашықәсазы еибагоит, 1993 шықәсазы Иосиф Бродски аҩынтә раан дабхоит. Усҟан иара диоуеит аԥҳа Анна, аха уи лызҳашьа апоет ибартә еиԥш изыҟамлеит.<ref>https://24smi.org/celebrity/3079-iosif-brodskii.html</ref> Зегьы ирдыруеит Бродски аҭаҭын ахара даара дшазгагаз. Иара игәы даара иуашәшәыран, ԥшьынтә аԥҟарақәа ихигахьан, аха аҭаҭын ахара мап изацәымкит. Иосиф Бродски, иара убасгьы, ацыгәқәа даара бзиа ибон. Дара рыԥшӡара, рынеиааишьа даара дазҿлымҳан, игәаԥхон. Иҟоуп имаҷымкәан афотосахьақәа Бродски ацыгәқәа иҽахьрыцҭихуаз. Бродски акыр адгылара рзыҟаиҵон Михаил Боиарышникови Роман Каплани Ниу-Иорк ақьафурҭа аартра азҵаараҟны. Аҵыхәтәангьы апоет ибзоурала уи аартын, хьӡысгьы иаиуит «Аурыс самовар». Иосиф ипремиа аҟынтәи аԥарақәа рыхәҭак ари ақьафурҭа аартра иазоуижьит. Ари ахыбра «аурыс Ниу-Иорк» ҳәа изышьҭаз, даара ауаа зҭаауаз ҭыԥны иҟалеит.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-iosif-brodskiy.html</ref> == Бродски иԥсра == Адиагноз – астенокардиа – апоет аҳақьымцәа СССР даныҟаз изықәдыргылахьан. 1978 шықәсазы иара аоперациа изуын америкатәи аклиникақәа руак аҟны, уи ашьҭахь Асовет Еидгылахь ашәҟәы идәықәҵаз, аҟны аҳәара ҟаҵан Бродски иҭаацәа аҳәаанырцәҟа ргаразы азин ҟарҵарц. Иосиф Бродски иҭаацәагьы рнапқәа еиқәҵаны итәамызт. Дара жәаҩантә аҳәара ҟарҵахьан аҳәаанырцәҟа ицаразы азин рырҭарц, аха еснагь мап рцәыркуан. 1964–1994 шықәсқәа раан Иосиф ԥшьынтә ахәышәтәырҭа дҭашәахьан аинфаркт иманы, иҭаацәагьы уаҳа изымбеит. Иан лыԥсҭазаара далҵит 1983 шықәсазы, шықәсык ааҵхьаны иабгьы иԥсҭазаара далҵуеит. СССР анапхгара Иосиф иҭаацәа анышә иамаидаразы азингьы ирымҭеит. Абарҭқәа, жәаҳәарада, Бродски игәабзиара даара ианыԥшит.<ref>https://nacion.ru/477597a-iosif-brodskiy-biografiya-i-tvorchestvo</ref> 1996 шықәса, ианар мза 27 ахәылбыҽха Иосиф Бродски ииҭахыз зегьы ишәыра иҭаҵаны, иуадахь днеит маҷк аус иуразы. Адырҩаҽны ашьыжь иара иуадаҟны дыԥсны дшышьҭаз иԥҳәыс длыԥшааит. Уи иԥсра зыхҟьаз ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдыргылаз агәыхь ауп. Бродски иԥсра ҩымчыбжьа шагыз, Ниу-Иорктәи аԥсыжырҭаҟны аҭыԥ ааихәеит, ажәагьы иҩит уа дыржырц азы. Иара иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи аҳәарагьы нагӡан. Шықәсыки бжаки ааҵхьаны, ииун мза 1997 шықәсазы иԥсыбаҩ еиҭаганы, Венециаҟа иганы анышә иамардоит. Апоет наунагӡатәи изқәаҭыԥ ҟалеит Сан-Микельтәи аԥсыжырҭаҟны. Иосиф Бродски ибаҟа Урыстәыла иргылан 2005 шықәсазы, Санкт- Петербург.<ref>https://spravochnick.ru/literatura/russkaya_literatura</ref> == Аинтерес зҵоу афактқәа Бродски иԥсҭазаара аҟынтә == Иосиф Бродски диит 1940 шықәсазы. Ҭагалан 1941 шықәсазы анемец архәҭақәа Ленинград амацәаз иҭаркит. Ара есҽны ауаа амлакреи, ачымазарақәеи, ахьҭакреи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵуан, урҭ рхыԥхьаӡара ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон ҽнак. Бродски иан илылшеит абри аамҭа еиқәаҵәақәа рзы лхәыҷы иԥсҭазаара аиқәырхара. Бродски аҵара рацәак дашьҭамызт, иуҳәар ауеит зынӡагьы аҵара иҵомызт, изҵозгьы дырԥырхаган ҳәа. Арҵаҩцәа иазгәарҭон иара аҵара шилшоз, аха дшаашьоз. Бродски ажәеинраалақәа рыҩра далагеит жәаа шықәса анихыҵуаз, аха иҩымҭақәа ркьыԥхьра иахыццакуамызт, иара иоуп аурысшәахь еиҭазгаз агәыԥ The Beatles инанагӡоз, еицырдыруа ашәа «Yellow Submarine» – «Желтая субмарина».<ref>https://100-faktov.ru/iosif-brodskii/</ref> Бродски иҩымҭақәа ркьыԥхьразы даҽа мҩак алихит, иара ажурнал аҟны ианиҵеит ахәыҷқәа ирзикыз ажәеинраалақәа. Бродски раԥхьатәи иаԥҵамҭа «Баллада о маленьком буксире» кьыԥхьын 1961 шықәсазы. Бродски хаҭала иԥишәеит аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы аҭыԥ змаз аҿаасҭарақәа. Иара ҩынтә мчыла аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭарҵахьан, уа атранквилизаторқәа иларҵон, аҵааӡы иқәырҭәон, ашьаршьаф бааӡақәа икәдыршон. 1972 шықәсазы апоет асоветтә тәылауаҩра имырхит, наунагӡа ҳәа ари атәыла аанижьуеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.elle.ru/celebrities/bolshe-slov-interesnyie-faktyi-ob-iosife-brodskom/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2023-09-23 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230923084453/https://www.elle.ru/celebrities/bolshe-slov-interesnyie-faktyi-ob-iosife-brodskom/ |url-status=dead }}</ref> == Ашәҟәқәа == * Стихотворения и поэмы * Остановка в пустыне * Конец прекрасной эпохи * Часть речи * Римские элегии * Новые стансы к Августе * Мрамор * Урания * Примечания папоротника * Иосиф Бродский размером подлинника * Каппадокия. Стихи * В окрестностях Атлантиды * Пейзаж с наводнением * Изгнание из рая * Слон и Маруська <ref>https://www.livelib.ru/author/78/top-iosif-brodskij{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=April 2025 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Лаҵарамза 24 рзы ииз]] [[Акатегориа:1940 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 28 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1996 шықәсазы иԥсыз]]
Иосиф Александр-иԥа Бродски (, Санкт-Петербург — , Бруклин) – еицырдыруа аурыси америкатәи апоет, адраматург, аессеқәа зыҩуаз, аиҭагаҩ. Диит маи мза 24, 1940 шықәсазы Ленинград, ауриацәа рҭаацәара аҟны. 1987 шықәсазы иара адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхоит, алитература ахырхарҭала. 1996 шықәса, ианар мза 28 рзы, Иосиф Бродски иԥсҭазаара далҵит. Иара аԥхьа Ниу-Иорктәи аԥсыжырҭаҟны анышә дамардеит, аха анаҩс иԥсыжырҭа аҭыԥ еиҭаргоит, апоет наунагӡа изқәаҭыԥ ахьыҟалаз Сан-Микельтәи аԥсыжырҭаҟны ауп. Иосиф Бродски ибаҟа Урыстәыла иргылан 2005 шықәсазы, Санкт- Петербург ақалақь аҟны. Ихәыҷреи иқәыԥшреи Иосиф Бродски диит маи мза 24, 1940 шықәсазы Ленинград, ауриацәа рҭаацәара аҟны. Иара иаб, Александр Бродски, аибашьра зегьы дахысит арратә корреспондентк иаҳасаб ала. Аибашьра аҟынтә даныхынҳә, 1948 шықәса инаркны Арра-мшынтә музеи афотолабораториа аҟны аусура далагоит. 1950 шықәсазы аусура аҟынтә дцоит, Асоветтә архәҭақәа ауриацәа рҟынтә ианыдрыцқьа ашьҭахь. Аусурагьы далагоит фотоҭыхҩыс, анаҩс журналистс ленинградтәи агазеҭқәа руак аҟны. Иосиф иан, Мариа Вольперт, занааҭла дҳасабеилыргаҩын. Иосиф иан лаҳәшьа – Дора Мольперт, БДТ аҟны дактрисан, иара убраҟагьы аус луан. Иосиф ихәыҷра зегьы аибашьра, аблокада, аибашьрашьҭахьтәи арыцҳара, абацәа рыҟамзаара аамҭа иақәшәеит. Аблокадатә ӡынра ашьҭахь, 1942 шықәсазы, иан лыҷкәын длыманы Череповецкҟа евакуациа дцоит. Рыҩныҟа игьежьуеит 1944 шықәсазы, Иосиф ашкол ахь дцеит хышықәса ааҵуаны. Быжьшықәса ашкол аҟны аҵара зҵоз Иосиф, ари аамҭа иалагӡаны ԥшь-школк иԥсахит, урҭ рҟны аамҭа рацәа даанхомызт. Абыжьбатәи акласс ашьҭахь, иара амшынтә ҵараиурҭахь идокументқәа алаиҵеит, аха дрыдрымкылеит. 1955 шықәсазы, Иосиф 15 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз, аха ашкол аанижьуеит, аабатәи акласс ахь ииасраны иҟаз аҷкәын азауад «Арсенал» ахь усура дцоит, ара афрезировшьик изанааҭ ала аҵара иҽазикуеит. Ас еиԥш аӡбамҭа иара идикылоит ашкол аҟны имаз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, насгьы иҭаацәа зфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩыз ацхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны. Уаҟа агәаҳәара иоуит мҩаԥгаҩыс аҵара иҵарц, аха уигьы изамуит. Анаҩс, Иосиф амедицина дагәыланахалоит, уи азын иара аморг аҟны аусура далагеит, аха иаарласны игәы ахшәоит. Иара убасгьы инысмҩа аҟны алашарбага аҟны ус шиуаз азгәаҭоуп.https://www.youtube.com/watch?v=37sh0RWB0cg&t=38s Азанааҭқәа рҽырыԥсахуан, аха Бродски изыҟазаашьа шыҟац иаанхон. Иара бзиа ибон ашәҟәқәа рыԥхьара, иааибоз ашәҟәқәа зегьы дрыԥхьон уҳәар алшоит. Даара бзиа ибон ажәеинраалақәа, афилософиа иазкыз атрактатқәа. Иара даара иҽазҵәылхны атәым бызшәақәа рҵара далагоит, зынгьы иӡбоит, ҳаирпланк ӡаны СССР-нтәи абналаразы, ари аус иҩызцәагьы адиԥхьалоит. Аха арҭқәа баша гәазыҳәарақәан, урҭ аԥсҭазаара иаларҵәамызт.https://brodskiy.su/biografiya/ Алитература аҟны Иосиф Бродски иҿцәажәарақәа раан еснагь иҳәон, раԥхьатәи иажәеинраалақәа шиҩыз жәаа шықәса анихыҵуаз. Аха ажурналистцәа аиашаҵәҟьа ҭырымҵаар рымуит, урҭ ирыԥшааит жәаа ихыҵаанӡатәи иаԥҵамҭақәа. Иосиф Бродски икалам иҵыҵит апоемақәа «Памятник Пушкину», «Рождественский романс», «От окраины к центру». Бродски даара бзиа ибон О. Мандельштам, М. Цветаева, Б. Пастернак, А. Ахматова реиԥш иҟаз раԥҵамҭақәа, уи Бродски иҩышьа астильгьы даараӡа ианыԥшит, анырра ӷәӷәагьы анаҭеит. 1961 шықәса рзын убас еиԥш иҟалеит Иосиф Бродскии Анна Ахматовеи еибадырыртә еиԥш. Еицырдыруаз апоетесса апоет қәыԥш Иосиф Бродски даара аҟазара илоуп ҳәа илыԥхьаӡон, уи иаԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шизыԥшыз азгәалҭон, излалылшоз алагьы дицхраауан. Иосиф иакәзар, Анна Ахматова лҟазара мацара акәмызт бзиа иибоз, уи уаҩык иаҳасаб ала даара длызгәдуун.https://modernlib.net/books/volkov_solomon/dialogi_s_iosifom_brodskim/read/ Асовет Еиҳабыра даара ргәы иамыхәаз, Бродски раԥхьатәи иажәеинраала иахьӡын «Пилигримы», иагьҭыҵит иара 1958 шықәсазы. Уи инашьҭарххны иҩын даҽа жәеинраалакгьы – «Одиночество». Уа апоет ихәыцрақәа зызкыз иара иԥсҭазаараҟны ихҭысуази аԥхьаҟатәи иԥеиԥши ракәын, иҿаԥхьа акьыԥхьырҭақәа ашәқәа анадыркуаз аамҭазы. 1960 шықәса февраль мзазы Иосиф Бродски днарыԥхьоит ленинградтәи «Апоетцәа ртурнир» ашҟа. Уи асцена аҟынтә даԥхьоит ажәеинраала «Еврейское кладбище», ари аԥҵамҭа даара аҭыӡшәа ӷәӷәа ахылҿиааит алитературадырҩцәеи ауаажәларреи рыбжьара. 1963 шықәсазы агазеҭ «Вечерний Ленинград» астатиа акьыԥхьуеит, уа Бродски ахара идырҵоит иԥсҭазаашьазы. Иара убри астатиа аҟны иааган апоема «Шествие» ахәҭақәаки, егьырҭ иҩымҭақәа рыԥҵәахақәеи. Астатиа ҩын Иосиф Бродски атәым дгьыл бзиа ибозшәа, убри аан, иара ихатә тәыла аҳәынҵәа ақәиҭозшәа азгәаҭаны. Абри анаҩс иагьалагоит апоет иқәцарақәа, иаамырбрақәа аинстанциақәа зегьы рҟынтә.https://biographe.ru/znamenitosti/iosif-brodskiy/ 1964 шықәса алагамҭаз иара убри агазеҭ асалам шәҟәқәа акьыԥхьит, аредакциаҟны ишазгәарҭоз ала, урҭ агәынамӡара аазырԥшуаз атәылауаа ирҩыз ракәын, дара Бродски иахьырхәра дҵаны иқәдыргылон. Мызки бжаки ааҵхьаны – февраль мза 13, 1964 шықәсазы Бродски дырбаандаҩын, аус ахьимуаз азы ахара идҵаны. Мышкы ааҵхьан, Иосиф Бродски изцәырҵыз агәыхь иахҟьаны абахҭаҟны иԥсҭазаара далҵырц акааигымхеит. Апоет усҟантәи иҭагылазаашьа иажәеинраалақәа - «Здравствуй, мое старение», «Что сказать мне о жизни?» ирныԥшит. Апоет даара иуадаҩны ихигон иганахь ала ирыдыркылоз аусмҩаԥгатәқәа. Иара убасгьы, иара ихатәы ԥсҭазаараҿгьы аиҭакрақәа ҟалеит, бзиа иибоз Марина Басманова даанлыжьуеит. Абарҭқәа зегьы ззеиқәылаз Бродски иҽишьырцгьы далагоит, аха деиқәхеит.https://rg.ru/2009/10/02/brodskij.html 1970 шықәсазы Иосиф Бродски «Не выходи из комнаты» захьӡыз ажәеинраала иҩуеит, уа иара игәҭахәыцрақәа, асовет уаҩы ауаажәларра аҟны иҭыԥ иадҳәалаз дрылацәажәоит. Апоет иқәымчрақәа, ишьҭазаарақәа аҭыԥ рыман 1972 шықәса ааԥынранӡа. Анаҩс, иара идыргалоит аамҭа кьаҿк (мамзаргьы еснагь) аԥсихиатриатә клиника аҟны дышьҭаларц, мамзаргьы атәыла далҵны дцарц. Уаанӡа Бродски «ахагацәа рыҩны» аҟны аҟазааразы акыр аԥышәа иоухьан, иагьиҳәон уа абахҭаҟны аасҭа ишеицәоу. Убри аҟынтә Иосиф Бродски аемиграциа дақәшаҳаҭхоит. 1977 шықәсазы иара Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь дцоит, иаарласнгьы ари аҳәынҭқарра датәылауаҩхоит. Аҳәаанырцәҟа дцаанӡа Иосиф Бродски илшоз зегьы ҟаиҵеит аҳәынҭқарра анапхгара иԥсадгьыл аҟны даанхартә еиԥш азин ирҭаразы. Ашәҟәы изиҩуеит усҟантәи амаӡаныҟәгаҩ Хада Леонид Брежнев, еиҭагаҩык иаҳасаб ала атәылаҿы даанижьырц азы. Аха иара ишәҟәы ҭакда иаанхеит. Бродски далахәын Лондон имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи апоезиатә фестиваль. Иара аурыс литература аҭоурыхи апоезиеи рырҵаҩыс дыҟан америкатәи ауниверситетқәа хԥа рҟны. Уи иаразнак дыргоит раԥхьа Мичигантәи, анаҩс Колумбиатәи, Ниу-Иорктәи ауниверситетқәа рҟны. Убриаан аҩрагьы даҟәымҵит. Иосиф Бродски аессе авторс дҟалоит, урҭ зегьы англыз бызшәала иҭрыжьуан. 1986 шықәсазы апоет ажәеинраалақәа реизга ҭижьит, уи «Меньше единицы» ахьӡын, шықәсык ааҵхьаны алитература ахырхарҭала адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатхеит.https://www.culture.ru/persons/2115/iosif-brodskii 1985 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа Иосиф ажәеинраалақәа «Представление» «Памяти отца» иҩуеит, иара убасгьы аессе «Полторы комнаты». Арҭ апоезиатә цәаҳәақәеи апрозеи иара иҩныҵҟатәи идоуҳатә хьаа зегьы рныԥшуеит, уи зыдҳәалаз иԥсадгьыл ахь ахынҳәра азин ахьимамыз ауп, иара иҭаацәа рыжраҵәҟьа азингьы имоуит. Аиҭашьақәыргылара аамҭақәа ианрылага Иосиф Бродски иахь Асовет Еидгыла азыҟазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Акыр ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны иркьыԥхьуа иалагеит иара иажәеинраалақәа. 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵуа иалагеит иажәеинраалақәа реизгақәа. Насгьы, Иосиф ааԥхьара ирҭо далагеит Урыстәылаҟа нхара ҳәа даарц азы, аха иара уи ақәшаҳаҭхара дахыццакуамызт, иҭахымызт ажурналистцәа рықәшәара, иӡбахә рҳәо аҟаҵара. Усҟантәи аамҭазтәи иара иҩныҵҟатәи игәҭахәыцрақәа иҩымҭақәа «Письмо в оазис» «Итака» рҟны ианыԥшит.https://nacion.ru/477597a-iosif-brodskiy-biografiya-i-tvorchestvo Бродски ихатәы ԥсҭазаара Иосиф Бродски раԥхьаӡа абзиабара изцәырҵит 1962 шықәсазы. Иара даара бзиа дибоит асахьаҭыхҩы Марина Басманова. Анаҩс акраамҭа уи длеиҽырбон, абри ашьҭахь ауп аҭаацәара анаԥырҵа. 1968 шықәса рзы дара дрыхшоит аԥа Андреи, аха ари аҭагылазаашьа аҭаацәара ӷәӷәаӡа иҟанамҵеит. Ахәыҷы дшааизҵәҟьа еилыҵит уҳәар алшоит. 1990-тәи ашықәс азы, Бродски ихатәы ԥсҭазаара аҟны дцәырҵуеит Мариа Соцциани, Италиатәи аристократка. Лара лыбжа аурысын, лан лганахьала лҭынхацәа Урыстәыла инхон. Дара убри ашықәсазы еибагоит, 1993 шықәсазы Иосиф Бродски аҩынтә раан дабхоит. Усҟан иара диоуеит аԥҳа Анна, аха уи лызҳашьа апоет ибартә еиԥш изыҟамлеит.https://24smi.org/celebrity/3079-iosif-brodskii.html Зегьы ирдыруеит Бродски аҭаҭын ахара даара дшазгагаз. Иара игәы даара иуашәшәыран, ԥшьынтә аԥҟарақәа ихигахьан, аха аҭаҭын ахара мап изацәымкит. Иосиф Бродски, иара убасгьы, ацыгәқәа даара бзиа ибон. Дара рыԥшӡара, рынеиааишьа даара дазҿлымҳан, игәаԥхон. Иҟоуп имаҷымкәан афотосахьақәа Бродски ацыгәқәа иҽахьрыцҭихуаз. Бродски акыр адгылара рзыҟаиҵон Михаил Боиарышникови Роман Каплани Ниу-Иорк ақьафурҭа аартра азҵаараҟны. Аҵыхәтәангьы апоет ибзоурала уи аартын, хьӡысгьы иаиуит «Аурыс самовар». Иосиф ипремиа аҟынтәи аԥарақәа рыхәҭак ари ақьафурҭа аартра иазоуижьит. Ари ахыбра «аурыс Ниу-Иорк» ҳәа изышьҭаз, даара ауаа зҭаауаз ҭыԥны иҟалеит.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-iosif-brodskiy.html Бродски иԥсра Адиагноз – астенокардиа – апоет аҳақьымцәа СССР даныҟаз изықәдыргылахьан. 1978 шықәсазы иара аоперациа изуын америкатәи аклиникақәа руак аҟны, уи ашьҭахь Асовет Еидгылахь ашәҟәы идәықәҵаз, аҟны аҳәара ҟаҵан Бродски иҭаацәа аҳәаанырцәҟа ргаразы азин ҟарҵарц. Иосиф Бродски иҭаацәагьы рнапқәа еиқәҵаны итәамызт. Дара жәаҩантә аҳәара ҟарҵахьан аҳәаанырцәҟа ицаразы азин рырҭарц, аха еснагь мап рцәыркуан. 1964–1994 шықәсқәа раан Иосиф ԥшьынтә ахәышәтәырҭа дҭашәахьан аинфаркт иманы, иҭаацәагьы уаҳа изымбеит. Иан лыԥсҭазаара далҵит 1983 шықәсазы, шықәсык ааҵхьаны иабгьы иԥсҭазаара далҵуеит. СССР анапхгара Иосиф иҭаацәа анышә иамаидаразы азингьы ирымҭеит. Абарҭқәа, жәаҳәарада, Бродски игәабзиара даара ианыԥшит.https://nacion.ru/477597a-iosif-brodskiy-biografiya-i-tvorchestvo 1996 шықәса, ианар мза 27 ахәылбыҽха Иосиф Бродски ииҭахыз зегьы ишәыра иҭаҵаны, иуадахь днеит маҷк аус иуразы. Адырҩаҽны ашьыжь иара иуадаҟны дыԥсны дшышьҭаз иԥҳәыс длыԥшааит. Уи иԥсра зыхҟьаз ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдыргылаз агәыхь ауп. Бродски иԥсра ҩымчыбжьа шагыз, Ниу-Иорктәи аԥсыжырҭаҟны аҭыԥ ааихәеит, ажәагьы иҩит уа дыржырц азы. Иара иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи аҳәарагьы нагӡан. Шықәсыки бжаки ааҵхьаны, ииун мза 1997 шықәсазы иԥсыбаҩ еиҭаганы, Венециаҟа иганы анышә иамардоит. Апоет наунагӡатәи изқәаҭыԥ ҟалеит Сан-Микельтәи аԥсыжырҭаҟны. Иосиф Бродски ибаҟа Урыстәыла иргылан 2005 шықәсазы, Санкт- Петербург.https://spravochnick.ru/literatura/russkaya_literatura Аинтерес зҵоу афактқәа Бродски иԥсҭазаара аҟынтә Иосиф Бродски диит 1940 шықәсазы. Ҭагалан 1941 шықәсазы анемец архәҭақәа Ленинград амацәаз иҭаркит. Ара есҽны ауаа амлакреи, ачымазарақәеи, ахьҭакреи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵуан, урҭ рхыԥхьаӡара ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон ҽнак. Бродски иан илылшеит абри аамҭа еиқәаҵәақәа рзы лхәыҷы иԥсҭазаара аиқәырхара. Бродски аҵара рацәак дашьҭамызт, иуҳәар ауеит зынӡагьы аҵара иҵомызт, изҵозгьы дырԥырхаган ҳәа. Арҵаҩцәа иазгәарҭон иара аҵара шилшоз, аха дшаашьоз. Бродски ажәеинраалақәа рыҩра далагеит жәаа шықәса анихыҵуаз, аха иҩымҭақәа ркьыԥхьра иахыццакуамызт, иара иоуп аурысшәахь еиҭазгаз агәыԥ The Beatles инанагӡоз, еицырдыруа ашәа «Yellow Submarine» – «Желтая субмарина».https://100-faktov.ru/iosif-brodskii/ Бродски иҩымҭақәа ркьыԥхьразы даҽа мҩак алихит, иара ажурнал аҟны ианиҵеит ахәыҷқәа ирзикыз ажәеинраалақәа. Бродски раԥхьатәи иаԥҵамҭа «Баллада о маленьком буксире» кьыԥхьын 1961 шықәсазы. Бродски хаҭала иԥишәеит аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы аҭыԥ змаз аҿаасҭарақәа. Иара ҩынтә мчыла аԥсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭарҵахьан, уа атранквилизаторқәа иларҵон, аҵааӡы иқәырҭәон, ашьаршьаф бааӡақәа икәдыршон. 1972 шықәсазы апоет асоветтә тәылауаҩра имырхит, наунагӡа ҳәа ари атәыла аанижьуеит. Ашәҟәқәа Стихотворения и поэмы Остановка в пустыне Конец прекрасной эпохи Часть речи Римские элегии Новые стансы к Августе Мрамор Урания Примечания папоротника Иосиф Бродский размером подлинника Каппадокия. Стихи В окрестностях Атлантиды Пейзаж с наводнением Изгнание из рая Слон и Маруська https://www.livelib.ru/author/78/top-iosif-brodskij Азгәаҭақәа Акатегориа:Лаҵарамза 24 рзы ииз Акатегориа:1940 шықәсазы ииз Акатегориа:Ажьырныҳәамза 28 рзы иԥсыз Акатегориа:1996 шықәсазы иԥсыз
37725
https://ab.wikipedia.org/wiki/Виетнамтәи_аибашьра
Виетнамтәи аибашьра
[[Афаил:VietnamMural.jpg|мини|Виетнамтәи аибашьра]] '''Виетнамтәи аибашьра''' – ари аибашьра XX ашәышықәсазы зегьы иреиҳаз арратә конфликтқәа рахь иаҵанакуеит. Уи ашьҭақәа аанажьит аҭоурых ҿыци акультуреи рҟны. Ари аибашьра х-хәҭакны иушар алшоит: апартизантә еибашьра Аладатәи Виетнам (1955–1965шш.), Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аибашьра аҟны арратә ралахәхара (март 1965–1973 шш.), ахыркәшаратә аамҭа (1973–1975 шш.). Ари аамҭа иалагӡаны атәыла хәыҷы аҟны иҭахеит ԥшь-миллионҩык аҭынч уааԥсыра, миллионки бжаки инарзынаԥшуа аҩганк рҟынтәи асолдаҭцәа.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/military_science/text/2380343 |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2022-10-11 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221011012631/https://bigenc.ru/military_science/text/2380343 |url-status=dead }}</ref> == Аконфликт зыхҟьаз == Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз, атәыла ауааԥсыра афранцызцәа дара ртәыла аҟны иҟарҵоз анырра ахьыргәамԥхоз ауп ҳәа уҳәар алшоит. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Виетнам Франциа аколониалтә империа иаҵанакуан. Актәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылаҟны ауааԥсыра рмилаҭтә хдырра шьҭыҵуа иалагеит, урҭқәа рныԥшуан хыԥхьаӡара рацәала еиҿкааз маӡалатәи акружокқәа, дара зегьы Виетнам ахьыԥшымра азаагара акәын изышьҭаз. Убри аамҭазы ауп атәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи ақәгыларагьы аныҟалазгьы. Китаи иаԥҵан Виетнам ахьыԥшымразы Алига – Виетмин, - уи иалаз зегьы еидызкылоз ахақәиҭра аидеиа ауп. Анаҩс, Виетмин хадара аиҭалоит Хо Ши Мин, Алигагьы акоммунисттә хырхарҭа аанахәеит.<ref>https://switki.ru/476854a-vetnamskaya-voyna-godyi-prichinyi-hod-voynyi-i-itogi</ref> Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз иааркьаҿны иуҳәозар, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, 1954 шықәсазы виетнамтәи аҵакырадгьыл зегьы а-17-тәи апарралель ала иахьшаз ауп. Убри аан Аҩадатәи Виетнам Виетмин ахылаԥшраҿы иҟан, ладатәи – афранцызцәа рнапхгараҭара аҟны иҟан. Акоммунистцәа Китаитәи Жәлар рреспублика аҟны иргаз аиааира Еиду Америкатәи Аштатқәа агәҭынчымра рызцәырнагеит, убри аҟнытә Виетнам аҩныҵҟатәи аполитика иалацәажәо иалагеит лада Франциа анапаҵаҟа иахьыҟаз аганаҿы. Аштатқәа реиҳабыра Китаитәи Жәлар рреспублика аҟынтәи ашәарҭара ыҟоуп ҳәа изыԥхьаӡоз, убас еиԥш агәаанагара рыман, Китаи Ҟаԥшь Виетнам анырра аҟаҵара иаарласны гәаҳәарас иаиуеит ҳәа, аха ари аҩыза Еиду Америкатәи Аштатқәа ҟалашьа арҭомызт. Иҟан убас еиԥш агәаанагара, 1956 шықәсазы Виетнам иаку ҳәынҭқарракны еидылоит ҳәа, аха Ладатәи Франциа иаҭахымхеит Ҩадатәи акоммунистцәа рнапхгараҭара аҵаҟа аҟазаара, абри ауп мзыз хадас иҟалазгьы аибашьра алагаразы. Абри иахҟьаны хьаада атәыла аидҵара залыршамхеит: Виетнам аибашьра изацәымцеит. Акоммунисттә Ҩада гәҭакыс иҟанаҵоит амчра ахархәара ала атәыла ҩадатәи ахәҭа анапахьы аагара.<ref>https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/</ref> == Аибашьра алагара заатәи апериод == Аха хьаада атәыла аидҵара ҟалашьа амоуит. Виетнам еибашьрада изеилымго аамҭа иҭагылеит. Акоммунисттә ҩада мчыла атәыла аладатәи ахәҭа анапахьы аагара аӡбоит. Абра иҳәатәуп Виетнам аибашьра алагара шабзоурахаз ладатәи ачынуаа рганахь ала имҩаԥгаз акыр атеррактқәа. 1960-тәи ашықәс адунеизегьтәи адырра зауз аиҿкаара Виетконг аԥҵара иашықәсхеит, даҽакала уи Ладатәи Виетнам ахақәиҭтәразы Амилаҭтә фронт ҳәа иашьҭан (НФОЮВ), ари аиҿкаара еиднакылеит хыԥхьаӡара рацәала иҟаз агәыԥқәа Лада иаҿагыланы еибашьуаз.<ref>https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html</ref> Виетнамтәи аибашьра алагашьеи уи алҵшәақәеи ртәы ануҳәо, имҳәакәан узраҩсуам ари иџьбараз аиҿагылара азы ихадараз ахҭысқәа. 1961 шықәсазы америкатәи ар аиҿагыларақәа ахы рыланархәуам, аха Виетконг имҩаԥнагоз аусқәа Еиду Америкатәи Аштатқәа даара иаргәамҵит, абри аҟынтә америкаа раԥхьа еснагьтәи архәҭақәа Ладатәи Виетнамҟа идәықәнаҵоит. Ара америкатәи архәҭақәа ладатәи виетнамаа рсолдаҭцәа азыҟарҵон, насгьы урҭ ацхыраара рырҭон ажәыларақәа реиҿкаара аус аҟны. Раԥхьатәи арратә еидыслара ӷәӷәа ҟалеит 1963 шықәсазы, усҟан виетконготәи апартизанцәа Апбак аҵаҟатәи аибашьра аҟны ладавиетнамтәи ар ԥыхха ишьҭарҵеит. Ари аҵахара ашьҭахь аполитикатә ахҳәара ҟалеит, уи аан дшьын Лада анапхгаҩы Зием. Виетконг акәзар, апозициақәа арӷәӷәеит, апартизанцәа реиҳараҩык ладатәи аҵакырадгьыл ахь идәықәҵан. Ирызҳауан америкатәи асолдаҭцәа рхыԥхьаӡарагьы. 1959 шықәса рзы урҭ 800-ҩык ыҟазҭгьы, 1964 шықәсазы Виетнамтәи аибашьра иалахәын 25-нызқьҩык рҟынӡа америкатәи аруаа.<ref>{{Cite web |url=https://vietnamix.ru/istoria/vojna-vo-vetname.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2024-01-27 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240127201639/https://vietnamix.ru/istoria/vojna-vo-vetname.html |url-status=dead }}</ref> == Еиду Америкатәи Аштатқәа аибашьра рҽалагалара == Виетнам аибашьра иацҵан. Ҩадатәи Виетнам апартизанцәа иаадырԥшуаз хамеигӡаралатәи аҿагылара аҟны ирыцхраауан атәыла агеографиатәии аклиматтәии ҷыдарақәа. Абнара, ашьхара, аамҭа-аамҭала зҽызыԥсахуаз аҳауа – зны ақәаршаҩы, зны ашоура бааԥс – америкатәи асолдаҭцәа рзы ахгара мариамызт, аха Виетконгтәи апартизанцәа рус анагӡараҿы ицхыраагӡан, дара рзын арҭ аԥсабаратә ҽеиҭакрақәа рышьцылара аҭахны иҟамызт, уи иалааӡан. 1965 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа Виетнамтәи аибашьра мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуан, Еиду Америкатәи Аштатқәа рыруаа ралахәхара ала. 1965 шықәса алагамҭазы, жәабранмзазы виетконгаа америкатәи арратә обиектқәа ирықәлеит.<ref>https://elar.urfu.ru/bitstream/10995/4841/1/uv-2005-10.pdf</ref> Абри ашьҭахь, америкатәи апрезидент Линдон Джонсон аҭактә жәылара амҩаԥгара дшазыхиоу рылеиҳәеит, ус иагьыҟалеит, имҩаԥган «Пылающее копье» ҳәа ззырҳәаз аоперациа – ари даара иџьбараз, ишьаарҵәыраз операциан, америкатәи авиациа виетнамтәи аҵакырадгьыл хыԥхьаӡара рацәала артҟәацгақәа аланажьит. 1965 шықәса хәажәкырамзазы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа даҽа операциакгьы мҩаԥыргеит, «Раскаты грома» зыхьӡырҵаз. Абри аамҭазы америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 180-нызқь рҟынӡа инаӡахьан. Аха, ари ала аус аанымкылеит. Иацааиуаз даҽа хышықәса ирылагӡаны америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 540-нызқь рҟынӡа инаӡеит. Актәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа злахәыз мҩаԥган 1965 шықәса нанҳәамзазы. Аоперациа «Старлаит» америкаа риааира ала ихыркәшахеит, усҟан иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа виетконгаа. Абри ашьҭахь америкатәи архәҭақәа рҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәгылоит апартизанцәа ԥшааны рықәхра, аха лассы-лассы ладатәи Виетконг ашьхаратә ҵакырақәа рҟны апартизанцәеи америкатәи асолдаҭцәеи реидысларақәа аҵыхәтәантәиқәа даара иаркарон. 1967 шықәсазтәи аибашьра аан, Дакто аҵаҟа Еиду Америкатәи Аштатқәа рыршьаҟауааи, 173-тәи аҳаир-десанттә бригадеи акыр ацәыӡ ӷәӷәақәа рыҭан, урҭ апартизанцәеи ақалақьи рнапахьы аагара шрылшазгьы. 1953 шықәса инаркны 1975 шықәсанӡа Еиду Америкатәи Аштатқәа виетнамтәи аибашьра иақәдхарџьит 168 миллион доллар. Ари Америкатәи афедералтә биуџьет даара ианыԥшит.<ref>{{Cite web |url=https://warways.ru/voennye-konflikty/vetnamskaya-vojna.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-27 |archive-date=2023-06-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230604045851/https://warways.ru/voennye-konflikty/vetnamskaya-vojna.html |url-status=dead }}</ref> == Теттәи ажәылара == Виетнамтәи аибашьраан америкатәи архәҭақәа реизырҳара мҩаԥысуан хатәгәаԥхарала уахь инеиуази арра иаарыԥхьоз рыхәҭаки рыбзоурала. Апрезидент Л. Џьонсон мап ацәикит хәҭалатәи амобилизациа, насгьы, арезервистцәа аибашьрахь рнаԥхьара, убри аҟынтә, 1967 шықәсазы америкатәи аруаа руаатәыҩсатә резерв нҵәеит. Аха Виетнам аибашьра шцац ицон. 1967-тәи ашықәс аҽанааиҩнашоз Ҩадатәи Виетнам арратә напхгара Лада ақәларазы инарҭбаау ақәылара аҽазырхиара иалагеит. Виетконг убас еиԥш аҭагылазаашьа аԥнаҵарц аҭахын, америкатәи архәҭақәа Виетнам алгара иалагаразы, насгьы Нгуен Ван Тхиеу иеиҳабыра рахҳәара хықәкыс иҟан. Еиду Америкатәи Аштатқәа арҭ апланқәа рзы адырра рыман, аха виетконгаа ржәылара уеизгьы ирзымбатәбарахеит. Ҩадаа рырхәҭеи апартизанцәеи Тет амш аҽны (Виетнамтәи ашықәс ҿыц) ажәылара иалагеит.<ref>https://stoneforest.ru/event/history/tetskoe-nastuplenie-vjetnam/</ref> Ажьырныҳәамзазы 31, 1968 шықәсазы Ҩадатәи Виетнам архәҭақәа Лада аҵакырадгьыл зегьы ааха ӷәӷәақәа анаҭеит, ақалақь дуқәагьы уахь иналаҵаны. Акыр ажәыларақәа шаанкылазгьы, Ладатәи ақалақь Хиуе ацәыӡуеит. Хәажәкырамзазы ауп ари ажәылара анаанкылаз. Америкаа 45 мшы ицоз Ҩадатәи ажәыларақәа раан ирцәыӡит 150.000 нызқьҩык асолдаҭцәа, 2000 вертолиоти ҳаирплани, 5.000 цыра еиҳаны арратә техникеи, 200 ӷбеи. Аамҭаказы, Америка Адемократиатә республика Виетнам иабашьуан аҳаиртә бомбақәа алажьуа. Урҭ раан ахархәара рыман зықь цыра ҳаирплан инарзынаԥшуа, урҭ 1964 шықәса инаркны 1973 шықәсанӡа 2 миллионк инарзыныԥшуа арратә ыҵԥыррақәа мҩаԥыргеит, уиаан Виетнам иаларыжьит 8 миллионк инарзынаԥшуа артҟәацгақәа.<ref>https://humanite-russie.ru/2020/01/03/tetskoe-nastuplenie-povorot-v-voyne-vo-vetname/</ref> Аха Америка аруаа арагьы акагьы рзалымхит. Ҩадатәи Виетнам ақалақь дуқәа рҟынтәи ауааԥсыра иалыргеит, ауаа ашьхақәеи абнатоурақәеи рҟны ирҵәахит. Асовет Еидгыла акәзар, ҩадатәи виетнамаа аистребительқәа, ПВО акомплексқәа, арадиотехника рыла еиқәнаршәон, насгьы ахархәашьа днарҵон. Абарҭқәа ирыбзоураны виетнамаа ирылшоит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳаирпланқәа 4.000 цыра рҭархара, аконфликт зегьы аамҭа иҭагӡаны. Хиуе аҵаҟа аибашьра алада виетнамтәи архәҭақәа ари ақалақь дыргьежьырц азы имҩаԥыргоз, зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭан. Теттәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа руааԥсыра рыбжьара виетнамтәи аибашьра иаҿагыланы ақәгыларақәа цәырнагеит. Усҟан аӡәырҩы ари аибашьра игәымбылџьбараз, ҵакы змамыз акәны ирыԥхьаӡеит. Аӡәгьы игәгьы иаанагомызт виетнамтәи акоммунистцәа рырхәҭақәа ас еиԥш амҽхак змаз аоперациа аиҿкаара рылшап ҳәа.<ref>https://www.istmira.com/novosti-istorii/11889-vetnamskaya-voyna-prichiny-hod-i-posledstviya.html</ref> == Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа ралгара == Абҵарамза, 1968 шықәсазы ҿыц иалхыз Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыц Р. Никсон имаҵзура данахагыла ашьҭахь, агәыӷра цәырҵит америкаа рырхәҭақәа Индокитаинтәи иалыргап ҳәа, ас еиԥш агәыӷра ҟазҵаз Никсон иалхранӡатәи иқәгыларақәа раан ус еиԥш агәыӷрақәа ахьриҭоз ауп. Еиду Америкатәи Аштатқәа Виетнам реибашьра Америка арепутациаазы ицәырԥхашьагаз шәахсҭаны ианхалеит. 1969 шықәсазы Ладатәи Виетнам жәлар рхаҭарнакцәа реизара ду аҟны аҳәамҭа ҟаҵан ареспублика аԥҵаразы (РЮВ). Апартизанцәа - бџьарла еибыҭаз жәлар ирымчрақәаны иҟалеит (НВСО ЮВ). Ас еиԥш аҭагылазаашьа Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра аиҿцәажәарақәа реишәа иаханартәоит, насгьы ари атәыла алахысрақәа ааныркылар акәхеит.<ref>https://militaryarms.ru/voennye-konflikty/vojna-vo-vetname/#h3_13</ref> Никсон дызхагылаз Америка маҷ-маҷ виетнамтәи аибашьра аҟны аҟазаара аԥнахуан, 1971-тәи ашықәс ианалага, Лада Виетнамнтәи иалган 20-нызқьҩык аруаа. Саигонтәи ар ракәзар, 1.100-ҩык рҟынӡа еизырҳан. Аха, убриаан америкаа ихьанҭаз рабџьар аиҳарак зегьы Лада Виетнам иааныжьын. 1973 шықәса Ажьырныҳәамза 27 рзы, Виетнам аибашьра аанкыларазы Парижтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын. Еиду Америкатәи Аштатқәа аҳәамҭа ҟарҵеит зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә арратә базақәа зегьы шықәырго. Убри анаҩсгьы, арратә шасцәа реиҭныԥсахлара азгәарҭеит.<ref>https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/</ref> == Аибашьра аҵыхәтәантәи аетап == Виетнамтәи аибашьра ашьҭахь, Еиду Америкатәи Аштатқәа лада 10-нызқьҩык аруааи 4 миллиардк америкатәи адолларқәеи финансттә цхыраарак аҳасаб ала иазыннажьуеит, ас еиԥш ацхыраара аҭыԥ аман 1974–1975 шықәсқәа рзы. 1973 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа, иаҵанакыз аамҭахәҭазы, ахақәиҭтәразы Жәлар рыфронт амчра ҿыцқәа рхархәара ала арратә усқәа хацнаркит. Акыр ацәыӡқәа зауз ладауаа, 1975 шықәсазтәи ааԥынразы Саигон заҵәык ауп аҿагылара аарԥшра ахьрылшаз. Зегьы еилгеит мшаԥымза, 1975 шықәсазы аоперациа «Хо Ши Мин» ашьҭахь. Америкатәи адгылара змамыз Лада Виетнамаа рыр ԥыхха иган. 1976 шықәсазы Виетнам ахәҭақәа рыҩбагьы еидҵан, иагьыҟалоит Виетнамтәи Асоциалисттә Республиканы.<ref>https://usamagazine.ru/vojna-vo-vetname/</ref> == СССР-и Китаии ари аконфликт ралахәра == СССР аганахьала арратәи, аполитикатәи, аекономикатәи цхыраара аҭоуп Ҩадатәи Виетнам, иара аибашьра ахыркәшараҿгьы даара ароль ду нанагӡеит. Абаӷәаза Хаифон ала Асовет Еидгыла аҟнытә Виетконгҟа иааргон абџьари аџьаԥҳани, акәылӡтәы техника, ихьанҭоу абџьар. Консультантцәақәак раҳасаб ала, ари аибашьра иадыԥхьалан аԥышәа змаз асоветтә арратә занааҭдырҩцәа, урҭ виетконгаа аибашьышьа ддырҵон. Китаи, иара убасгьы, ахатәы интерсқәа аман аҟнытә, ҩадаа ирыцхраауан – аалыҵқәа, абџьар, аидарамҩангага амашьынақәа рыла. Абри анаҩсангьы Ҩада Виетнамҟа инашьҭын китаитәи архәҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 50-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, арҭ архәҭақәа рыруаа амҩақәа еиҭашьақәдыргылон, иара убасгьы аихамҩақәа шьҭарҵон.<ref>https://topwar.ru/13536-sovetskie-voyska-vo-vetname-kakova-byla-ih-zadacha.html</ref> == Виетнамтәи аибашьра ахҟьаԥҟьақәа == Ишьаарҵәыраз Виетнамтәи аибашьра миллионла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, урҭ реиҳараҩык аҭынчуааԥсыра ракәын. Даара ааха аиуит аекологиа, ихшьаан акыр аҵлақәа. Ҩада акәзар, Америка иаланажьуаз абомбақәа ирыхҟьаны иԥыхха ишьҭаҵан, абнатоурақәа зегьы блын. Аибашьра аан ахархәара аман ахимиатә бџьар, уигьы, ҳәарада, аекологиа анырра ӷәӷәа анаҭеит. Америка архәҭақәа рветеранцәа ари аибашьра ҿаасҭа рыԥсихика ианыԥшит, акыр ачымазара бааԥсқәа идыргәаҟуан, уи зыхҟьоз аибашьра аан ахархәара змаз Agent orange аилазаара иалаз амаҭәашьар диоксин ауп. Америкатәи асолдаҭцәа рыбжьара акыр аҽшьрақәа аҭыԥ рыман, аха аофициалтә дыррақәа рҟны урҭ рыӡбахә рҳәомызт.<ref>https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html</ref> == Арратә цәгьоурақәа == Виетнамтәи аконфликт аан акыр арратә цәгьоурақәа аҭыԥ рыман. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ахимиатә бџьар «Оранж» ҳәа ззырҳәоз, атропикатә бнақәа ықәызгоз адефолиантқәеи агербицидқәеи рхархәара акәын. 72 миллион литра «Оранж» Виетнам аҵакырадгьыл алаҭәара анаҩсгьы, Америка архәҭақәа ахархәара арҭоит 44 миллион литра. татрахлородибензодиоксин амаҭәашьар. Ари амаҭәашьар ауаҩы ицәеижь ианалалалак акыр ачымазаара бааԥсқәа цәырнагоит. Иара убасгьы, абра иазгәаҭатәуп аибашьра аан массала ауаҩшьрақәа аҭыԥ шрымаз Сонгми, Хами, Хиуе. Виетнамтәи аибашьра аан уи аҵакырадгьыл аҟны иртҟәацын 14 миллион тонна артҟәацга. Аибашьра зыхҟьаз ҳәа уҳәозар, раԥхьатәи – адунеи аҟны акоммунисттә идеологиа аламырҵәара ауп, иҩбатәихаз – ҳәарада, аԥара ауп. Акыр акорпорациа дуқәа ари аибашьраҟны аԥара рацәа арҳара рылшеит. Аха аофицилтә мзызқәа ҳәа ирҳәоз адунеитә демократиа алараҵәара аҭахханы иахьыҟаз ауп.<ref>https://disgustingmen.com/history/10-weird-facts-about-vietnam-war/</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Виетнам]]
Виетнамтәи аибашьра – ари аибашьра XX ашәышықәсазы зегьы иреиҳаз арратә конфликтқәа рахь иаҵанакуеит. Уи ашьҭақәа аанажьит аҭоурых ҿыци акультуреи рҟны. Ари аибашьра х-хәҭакны иушар алшоит: апартизантә еибашьра Аладатәи Виетнам (1955–1965шш.), Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аибашьра аҟны арратә ралахәхара (март 1965–1973 шш.), ахыркәшаратә аамҭа (1973–1975 шш.). Ари аамҭа иалагӡаны атәыла хәыҷы аҟны иҭахеит ԥшь-миллионҩык аҭынч уааԥсыра, миллионки бжаки инарзынаԥшуа аҩганк рҟынтәи асолдаҭцәа. Аконфликт зыхҟьаз Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз, атәыла ауааԥсыра афранцызцәа дара ртәыла аҟны иҟарҵоз анырра ахьыргәамԥхоз ауп ҳәа уҳәар алшоит. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Виетнам Франциа аколониалтә империа иаҵанакуан. Актәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылаҟны ауааԥсыра рмилаҭтә хдырра шьҭыҵуа иалагеит, урҭқәа рныԥшуан хыԥхьаӡара рацәала еиҿкааз маӡалатәи акружокқәа, дара зегьы Виетнам ахьыԥшымра азаагара акәын изышьҭаз. Убри аамҭазы ауп атәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи ақәгыларагьы аныҟалазгьы. Китаи иаԥҵан Виетнам ахьыԥшымразы Алига – Виетмин, - уи иалаз зегьы еидызкылоз ахақәиҭра аидеиа ауп. Анаҩс, Виетмин хадара аиҭалоит Хо Ши Мин, Алигагьы акоммунисттә хырхарҭа аанахәеит.https://switki.ru/476854a-vetnamskaya-voyna-godyi-prichinyi-hod-voynyi-i-itogi Виетнамтәи аибашьра зыхҟьаз иааркьаҿны иуҳәозар, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, 1954 шықәсазы виетнамтәи аҵакырадгьыл зегьы а-17-тәи апарралель ала иахьшаз ауп. Убри аан Аҩадатәи Виетнам Виетмин ахылаԥшраҿы иҟан, ладатәи – афранцызцәа рнапхгараҭара аҟны иҟан. Акоммунистцәа Китаитәи Жәлар рреспублика аҟны иргаз аиааира Еиду Америкатәи Аштатқәа агәҭынчымра рызцәырнагеит, убри аҟнытә Виетнам аҩныҵҟатәи аполитика иалацәажәо иалагеит лада Франциа анапаҵаҟа иахьыҟаз аганаҿы. Аштатқәа реиҳабыра Китаитәи Жәлар рреспублика аҟынтәи ашәарҭара ыҟоуп ҳәа изыԥхьаӡоз, убас еиԥш агәаанагара рыман, Китаи Ҟаԥшь Виетнам анырра аҟаҵара иаарласны гәаҳәарас иаиуеит ҳәа, аха ари аҩыза Еиду Америкатәи Аштатқәа ҟалашьа арҭомызт. Иҟан убас еиԥш агәаанагара, 1956 шықәсазы Виетнам иаку ҳәынҭқарракны еидылоит ҳәа, аха Ладатәи Франциа иаҭахымхеит Ҩадатәи акоммунистцәа рнапхгараҭара аҵаҟа аҟазаара, абри ауп мзыз хадас иҟалазгьы аибашьра алагаразы. Абри иахҟьаны хьаада атәыла аидҵара залыршамхеит: Виетнам аибашьра изацәымцеит. Акоммунисттә Ҩада гәҭакыс иҟанаҵоит амчра ахархәара ала атәыла ҩадатәи ахәҭа анапахьы аагара.https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/ Аибашьра алагара заатәи апериод Аха хьаада атәыла аидҵара ҟалашьа амоуит. Виетнам еибашьрада изеилымго аамҭа иҭагылеит. Акоммунисттә ҩада мчыла атәыла аладатәи ахәҭа анапахьы аагара аӡбоит. Абра иҳәатәуп Виетнам аибашьра алагара шабзоурахаз ладатәи ачынуаа рганахь ала имҩаԥгаз акыр атеррактқәа. 1960-тәи ашықәс адунеизегьтәи адырра зауз аиҿкаара Виетконг аԥҵара иашықәсхеит, даҽакала уи Ладатәи Виетнам ахақәиҭтәразы Амилаҭтә фронт ҳәа иашьҭан (НФОЮВ), ари аиҿкаара еиднакылеит хыԥхьаӡара рацәала иҟаз агәыԥқәа Лада иаҿагыланы еибашьуаз.https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html Виетнамтәи аибашьра алагашьеи уи алҵшәақәеи ртәы ануҳәо, имҳәакәан узраҩсуам ари иџьбараз аиҿагылара азы ихадараз ахҭысқәа. 1961 шықәсазы америкатәи ар аиҿагыларақәа ахы рыланархәуам, аха Виетконг имҩаԥнагоз аусқәа Еиду Америкатәи Аштатқәа даара иаргәамҵит, абри аҟынтә америкаа раԥхьа еснагьтәи архәҭақәа Ладатәи Виетнамҟа идәықәнаҵоит. Ара америкатәи архәҭақәа ладатәи виетнамаа рсолдаҭцәа азыҟарҵон, насгьы урҭ ацхыраара рырҭон ажәыларақәа реиҿкаара аус аҟны. Раԥхьатәи арратә еидыслара ӷәӷәа ҟалеит 1963 шықәсазы, усҟан виетконготәи апартизанцәа Апбак аҵаҟатәи аибашьра аҟны ладавиетнамтәи ар ԥыхха ишьҭарҵеит. Ари аҵахара ашьҭахь аполитикатә ахҳәара ҟалеит, уи аан дшьын Лада анапхгаҩы Зием. Виетконг акәзар, апозициақәа арӷәӷәеит, апартизанцәа реиҳараҩык ладатәи аҵакырадгьыл ахь идәықәҵан. Ирызҳауан америкатәи асолдаҭцәа рхыԥхьаӡарагьы. 1959 шықәса рзы урҭ 800-ҩык ыҟазҭгьы, 1964 шықәсазы Виетнамтәи аибашьра иалахәын 25-нызқьҩык рҟынӡа америкатәи аруаа. Еиду Америкатәи Аштатқәа аибашьра рҽалагалара Виетнам аибашьра иацҵан. Ҩадатәи Виетнам апартизанцәа иаадырԥшуаз хамеигӡаралатәи аҿагылара аҟны ирыцхраауан атәыла агеографиатәии аклиматтәии ҷыдарақәа. Абнара, ашьхара, аамҭа-аамҭала зҽызыԥсахуаз аҳауа – зны ақәаршаҩы, зны ашоура бааԥс – америкатәи асолдаҭцәа рзы ахгара мариамызт, аха Виетконгтәи апартизанцәа рус анагӡараҿы ицхыраагӡан, дара рзын арҭ аԥсабаратә ҽеиҭакрақәа рышьцылара аҭахны иҟамызт, уи иалааӡан. 1965 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа Виетнамтәи аибашьра мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуан, Еиду Америкатәи Аштатқәа рыруаа ралахәхара ала. 1965 шықәса алагамҭазы, жәабранмзазы виетконгаа америкатәи арратә обиектқәа ирықәлеит.https://elar.urfu.ru/bitstream/10995/4841/1/uv-2005-10.pdf Абри ашьҭахь, америкатәи апрезидент Линдон Джонсон аҭактә жәылара амҩаԥгара дшазыхиоу рылеиҳәеит, ус иагьыҟалеит, имҩаԥган «Пылающее копье» ҳәа ззырҳәаз аоперациа – ари даара иџьбараз, ишьаарҵәыраз операциан, америкатәи авиациа виетнамтәи аҵакырадгьыл хыԥхьаӡара рацәала артҟәацгақәа аланажьит. 1965 шықәса хәажәкырамзазы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа даҽа операциакгьы мҩаԥыргеит, «Раскаты грома» зыхьӡырҵаз. Абри аамҭазы америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 180-нызқь рҟынӡа инаӡахьан. Аха, ари ала аус аанымкылеит. Иацааиуаз даҽа хышықәса ирылагӡаны америкатәи архәҭақәа рхыԥхьаӡара 540-нызқь рҟынӡа инаӡеит. Актәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа злахәыз мҩаԥган 1965 шықәса нанҳәамзазы. Аоперациа «Старлаит» америкаа риааира ала ихыркәшахеит, усҟан иҭахеит 600-ҩык инарзынаԥшуа виетконгаа. Абри ашьҭахь америкатәи архәҭақәа рҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәгылоит апартизанцәа ԥшааны рықәхра, аха лассы-лассы ладатәи Виетконг ашьхаратә ҵакырақәа рҟны апартизанцәеи америкатәи асолдаҭцәеи реидысларақәа аҵыхәтәантәиқәа даара иаркарон. 1967 шықәсазтәи аибашьра аан, Дакто аҵаҟа Еиду Америкатәи Аштатқәа рыршьаҟауааи, 173-тәи аҳаир-десанттә бригадеи акыр ацәыӡ ӷәӷәақәа рыҭан, урҭ апартизанцәеи ақалақьи рнапахьы аагара шрылшазгьы. 1953 шықәса инаркны 1975 шықәсанӡа Еиду Америкатәи Аштатқәа виетнамтәи аибашьра иақәдхарџьит 168 миллион доллар. Ари Америкатәи афедералтә биуџьет даара ианыԥшит. Теттәи ажәылара Виетнамтәи аибашьраан америкатәи архәҭақәа реизырҳара мҩаԥысуан хатәгәаԥхарала уахь инеиуази арра иаарыԥхьоз рыхәҭаки рыбзоурала. Апрезидент Л. Џьонсон мап ацәикит хәҭалатәи амобилизациа, насгьы, арезервистцәа аибашьрахь рнаԥхьара, убри аҟынтә, 1967 шықәсазы америкатәи аруаа руаатәыҩсатә резерв нҵәеит. Аха Виетнам аибашьра шцац ицон. 1967-тәи ашықәс аҽанааиҩнашоз Ҩадатәи Виетнам арратә напхгара Лада ақәларазы инарҭбаау ақәылара аҽазырхиара иалагеит. Виетконг убас еиԥш аҭагылазаашьа аԥнаҵарц аҭахын, америкатәи архәҭақәа Виетнам алгара иалагаразы, насгьы Нгуен Ван Тхиеу иеиҳабыра рахҳәара хықәкыс иҟан. Еиду Америкатәи Аштатқәа арҭ апланқәа рзы адырра рыман, аха виетконгаа ржәылара уеизгьы ирзымбатәбарахеит. Ҩадаа рырхәҭеи апартизанцәеи Тет амш аҽны (Виетнамтәи ашықәс ҿыц) ажәылара иалагеит.https://stoneforest.ru/event/history/tetskoe-nastuplenie-vjetnam/ Ажьырныҳәамзазы 31, 1968 шықәсазы Ҩадатәи Виетнам архәҭақәа Лада аҵакырадгьыл зегьы ааха ӷәӷәақәа анаҭеит, ақалақь дуқәагьы уахь иналаҵаны. Акыр ажәыларақәа шаанкылазгьы, Ладатәи ақалақь Хиуе ацәыӡуеит. Хәажәкырамзазы ауп ари ажәылара анаанкылаз. Америкаа 45 мшы ицоз Ҩадатәи ажәыларақәа раан ирцәыӡит 150.000 нызқьҩык асолдаҭцәа, 2000 вертолиоти ҳаирплани, 5.000 цыра еиҳаны арратә техникеи, 200 ӷбеи. Аамҭаказы, Америка Адемократиатә республика Виетнам иабашьуан аҳаиртә бомбақәа алажьуа. Урҭ раан ахархәара рыман зықь цыра ҳаирплан инарзынаԥшуа, урҭ 1964 шықәса инаркны 1973 шықәсанӡа 2 миллионк инарзыныԥшуа арратә ыҵԥыррақәа мҩаԥыргеит, уиаан Виетнам иаларыжьит 8 миллионк инарзынаԥшуа артҟәацгақәа.https://humanite-russie.ru/2020/01/03/tetskoe-nastuplenie-povorot-v-voyne-vo-vetname/ Аха Америка аруаа арагьы акагьы рзалымхит. Ҩадатәи Виетнам ақалақь дуқәа рҟынтәи ауааԥсыра иалыргеит, ауаа ашьхақәеи абнатоурақәеи рҟны ирҵәахит. Асовет Еидгыла акәзар, ҩадатәи виетнамаа аистребительқәа, ПВО акомплексқәа, арадиотехника рыла еиқәнаршәон, насгьы ахархәашьа днарҵон. Абарҭқәа ирыбзоураны виетнамаа ирылшоит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳаирпланқәа 4.000 цыра рҭархара, аконфликт зегьы аамҭа иҭагӡаны. Хиуе аҵаҟа аибашьра алада виетнамтәи архәҭақәа ари ақалақь дыргьежьырц азы имҩаԥыргоз, зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭан. Теттәи ажәылара Еиду Америкатәи Аштатқәа руааԥсыра рыбжьара виетнамтәи аибашьра иаҿагыланы ақәгыларақәа цәырнагеит. Усҟан аӡәырҩы ари аибашьра игәымбылџьбараз, ҵакы змамыз акәны ирыԥхьаӡеит. Аӡәгьы игәгьы иаанагомызт виетнамтәи акоммунистцәа рырхәҭақәа ас еиԥш амҽхак змаз аоперациа аиҿкаара рылшап ҳәа.https://www.istmira.com/novosti-istorii/11889-vetnamskaya-voyna-prichiny-hod-i-posledstviya.html Еиду Америкатәи Аштатқәа рырхәҭақәа ралгара Абҵарамза, 1968 шықәсазы ҿыц иалхыз Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыц Р. Никсон имаҵзура данахагыла ашьҭахь, агәыӷра цәырҵит америкаа рырхәҭақәа Индокитаинтәи иалыргап ҳәа, ас еиԥш агәыӷра ҟазҵаз Никсон иалхранӡатәи иқәгыларақәа раан ус еиԥш агәыӷрақәа ахьриҭоз ауп. Еиду Америкатәи Аштатқәа Виетнам реибашьра Америка арепутациаазы ицәырԥхашьагаз шәахсҭаны ианхалеит. 1969 шықәсазы Ладатәи Виетнам жәлар рхаҭарнакцәа реизара ду аҟны аҳәамҭа ҟаҵан ареспублика аԥҵаразы (РЮВ). Апартизанцәа - бџьарла еибыҭаз жәлар ирымчрақәаны иҟалеит (НВСО ЮВ). Ас еиԥш аҭагылазаашьа Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра аиҿцәажәарақәа реишәа иаханартәоит, насгьы ари атәыла алахысрақәа ааныркылар акәхеит.https://militaryarms.ru/voennye-konflikty/vojna-vo-vetname/#h3_13 Никсон дызхагылаз Америка маҷ-маҷ виетнамтәи аибашьра аҟны аҟазаара аԥнахуан, 1971-тәи ашықәс ианалага, Лада Виетнамнтәи иалган 20-нызқьҩык аруаа. Саигонтәи ар ракәзар, 1.100-ҩык рҟынӡа еизырҳан. Аха, убриаан америкаа ихьанҭаз рабџьар аиҳарак зегьы Лада Виетнам иааныжьын. 1973 шықәса Ажьырныҳәамза 27 рзы, Виетнам аибашьра аанкыларазы Парижтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын. Еиду Америкатәи Аштатқәа аҳәамҭа ҟарҵеит зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә арратә базақәа зегьы шықәырго. Убри анаҩсгьы, арратә шасцәа реиҭныԥсахлара азгәарҭеит.https://vietnamland.ru/vojna-vo-vetname/ Аибашьра аҵыхәтәантәи аетап Виетнамтәи аибашьра ашьҭахь, Еиду Америкатәи Аштатқәа лада 10-нызқьҩык аруааи 4 миллиардк америкатәи адолларқәеи финансттә цхыраарак аҳасаб ала иазыннажьуеит, ас еиԥш ацхыраара аҭыԥ аман 1974–1975 шықәсқәа рзы. 1973 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа, иаҵанакыз аамҭахәҭазы, ахақәиҭтәразы Жәлар рыфронт амчра ҿыцқәа рхархәара ала арратә усқәа хацнаркит. Акыр ацәыӡқәа зауз ладауаа, 1975 шықәсазтәи ааԥынразы Саигон заҵәык ауп аҿагылара аарԥшра ахьрылшаз. Зегьы еилгеит мшаԥымза, 1975 шықәсазы аоперациа «Хо Ши Мин» ашьҭахь. Америкатәи адгылара змамыз Лада Виетнамаа рыр ԥыхха иган. 1976 шықәсазы Виетнам ахәҭақәа рыҩбагьы еидҵан, иагьыҟалоит Виетнамтәи Асоциалисттә Республиканы.https://usamagazine.ru/vojna-vo-vetname/ СССР-и Китаии ари аконфликт ралахәра СССР аганахьала арратәи, аполитикатәи, аекономикатәи цхыраара аҭоуп Ҩадатәи Виетнам, иара аибашьра ахыркәшараҿгьы даара ароль ду нанагӡеит. Абаӷәаза Хаифон ала Асовет Еидгыла аҟнытә Виетконгҟа иааргон абџьари аџьаԥҳани, акәылӡтәы техника, ихьанҭоу абџьар. Консультантцәақәак раҳасаб ала, ари аибашьра иадыԥхьалан аԥышәа змаз асоветтә арратә занааҭдырҩцәа, урҭ виетконгаа аибашьышьа ддырҵон. Китаи, иара убасгьы, ахатәы интерсқәа аман аҟнытә, ҩадаа ирыцхраауан – аалыҵқәа, абџьар, аидарамҩангага амашьынақәа рыла. Абри анаҩсангьы Ҩада Виетнамҟа инашьҭын китаитәи архәҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 50-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, арҭ архәҭақәа рыруаа амҩақәа еиҭашьақәдыргылон, иара убасгьы аихамҩақәа шьҭарҵон.https://topwar.ru/13536-sovetskie-voyska-vo-vetname-kakova-byla-ih-zadacha.html Виетнамтәи аибашьра ахҟьаԥҟьақәа Ишьаарҵәыраз Виетнамтәи аибашьра миллионла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, урҭ реиҳараҩык аҭынчуааԥсыра ракәын. Даара ааха аиуит аекологиа, ихшьаан акыр аҵлақәа. Ҩада акәзар, Америка иаланажьуаз абомбақәа ирыхҟьаны иԥыхха ишьҭаҵан, абнатоурақәа зегьы блын. Аибашьра аан ахархәара аман ахимиатә бџьар, уигьы, ҳәарада, аекологиа анырра ӷәӷәа анаҭеит. Америка архәҭақәа рветеранцәа ари аибашьра ҿаасҭа рыԥсихика ианыԥшит, акыр ачымазара бааԥсқәа идыргәаҟуан, уи зыхҟьоз аибашьра аан ахархәара змаз Agent orange аилазаара иалаз амаҭәашьар диоксин ауп. Америкатәи асолдаҭцәа рыбжьара акыр аҽшьрақәа аҭыԥ рыман, аха аофициалтә дыррақәа рҟны урҭ рыӡбахә рҳәомызт.https://arena-pilotage.ru/mashiny/vetnamskaya-vojna-kratko.html Арратә цәгьоурақәа Виетнамтәи аконфликт аан акыр арратә цәгьоурақәа аҭыԥ рыман. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ахимиатә бџьар «Оранж» ҳәа ззырҳәоз, атропикатә бнақәа ықәызгоз адефолиантқәеи агербицидқәеи рхархәара акәын. 72 миллион литра «Оранж» Виетнам аҵакырадгьыл алаҭәара анаҩсгьы, Америка архәҭақәа ахархәара арҭоит 44 миллион литра. татрахлородибензодиоксин амаҭәашьар. Ари амаҭәашьар ауаҩы ицәеижь ианалалалак акыр ачымазаара бааԥсқәа цәырнагоит. Иара убасгьы, абра иазгәаҭатәуп аибашьра аан массала ауаҩшьрақәа аҭыԥ шрымаз Сонгми, Хами, Хиуе. Виетнамтәи аибашьра аан уи аҵакырадгьыл аҟны иртҟәацын 14 миллион тонна артҟәацга. Аибашьра зыхҟьаз ҳәа уҳәозар, раԥхьатәи – адунеи аҟны акоммунисттә идеологиа аламырҵәара ауп, иҩбатәихаз – ҳәарада, аԥара ауп. Акыр акорпорациа дуқәа ари аибашьраҟны аԥара рацәа арҳара рылшеит. Аха аофицилтә мзызқәа ҳәа ирҳәоз адунеитә демократиа алараҵәара аҭахханы иахьыҟаз ауп.https://disgustingmen.com/history/10-weird-facts-about-vietnam-war/ Азгәаҭақәа Акатегориа:Виетнам
37734
https://ab.wikipedia.org/wiki/Политковскаиа,_Анна_Степан-иԥҳа
Политковскаиа, Анна Степан-иԥҳа
[[Афаил:Anna_Politkovskaja_im_Gespräch_mit_Christhard_Läpple.jpg|мини|Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа]] '''Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа''' ({{lang-ru|Анна Степановна Политковская}}; {{date|30|8|1958}}, [[Ниу-Иорк]] – {{date|7|11|2006}}, [[Москва]]) – урыстәылатәи ажурналист, азинхьчаҩ. Нхыҵ Кавказ ирацәаны аус лухьан. Дыршьит 2006 шықәсазы. 2019 шықәсанӡа Анна Политковскаиа лҭархара иадҳәалаз аус аарԥшымызт, ацәгьаура ҟазҵаз ҳәа ирыԥхьаӡоз 2014 шықәсазы рус шырыӡбазгьы.<ref>http://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml</ref> == Анысмҩа == Анна Политковскаиа диит август 30, 1958 шықәсазы Ниу-Иорк, хылҵшьҭрала иукраинатәыз асоветтә ҭаацәараҿы. (Даҽа хыҵхырҭақәак рыла, Анна Политковскаиа диит Украина, Черниговтәи аобласт аҿы.) Анна Политковскаиа лыжәлаҵәҟьа Мазепа ауп. 1980 шықәсазы далгеит Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет. 1982–1993 шықәсқәа рзы аус луан агазеҭқәа «Известиа», «Воздушныи транспорт», арҿиаратә еилазаара «Ескарт», аҭыжьырҭа «Паритет», агазеҭ «Мегаполис-Експресс» ахҳәааҟаҵаҩыс.<ref>https://knigogid.ru/authors/5752-anna-politkovskaya</ref> 1994–1999 шықәсқәа рзы Анна Политковскаиа – «Обшьаиа газета» аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыҟәша аредакторс дыҟан. [[1999]] шықәса ииун мза инаркны Политковскаиа журналистк лаҳасабала акырынтә дцахьан Даӷьсҭан аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рахь, дырҭаахьан ахҵәацәа рлагерқәа, анаҩс Ингәыштәыла, Чечентәыла. Лус хада инаҷыданы, Анна Политковскаиа убасгьы лнапы рылакын азинхьчаратә усқәа: аӡбарҭаҿы иҭахаз аруаа ранацәа дрыцхраауан, Чечентәыла иҟаз афедералтә архәҭақәа еидҵоу ргәыԥ акомандаҟаҵареи Атәылахьчара аминистрреи рҟны акоррупциа аҭҵаарақәа мҩаԥылгон. 1999 шықәса, декабр мзазы Анна Политковскаиа еиҿылкааит грозныитәи абыргцәа рыҩнаҿы инхоз ԥшьынҩажәи жәҩык ревакуациа, лара лыбзоурала урҭ зегьы Урыстәыла инырхан. Аха аԥхын 2000 шықәсазы, абыргцәа ҩажәи ҩыџьаҩык Грозныиҟа ирхынҳәын, «адунеи зегь иадырбарц Грозныи аԥсҭазаара шышьақәгылаз». Ауаа ирымамызт аӡы, ахәшәқәа, афатә, амаҭәа. 2000 шықәса август мзазы Анна Политковскаиа лаԥшьгарала «Новаиа газета» имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа «Грозныи. Абыргцәа рыҩны» – еизган хә-нызқьи хәышә тонна аидареи хә-нызқь доллари.<ref>https://24smi.org/celebrity/3290-anna-politkovskaia.html</ref> [[2002]] шықәса, октиабр мзазы Анна Политковскаиа далахәын Москва Атеатралтә центр Дубровка иақәлаз «Риад ус-Салихин» абригада аҟынтәи ачечен еибашьцәа рыбжьацәажәара. Атеррористцәа зацәажәарц ирҭахыз ауаа рхыԥхьаӡараҿы лара лыхьӡгьы ҳәан. Октиабр 25, 2002 шықәсазы Политковскаиа днеит шасыс иргаз рхақәиҭтәразы еиҿкааз аштаб ахь, аибашьцәа ҭелла драцәажәеит, анаҩс адоктор Леонид Рошали лареи Атеатралтә центр ахыбрахь иҩналеит, атеррористцәа иаанкылан ирымаз аӡыржәтә рызналгеит. 2001 шықәса, февраль мзазы Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Политковскаиа ахара лыдырҵеит акомандаҟаҵаҩ Шамиль Басаев ицхраараз ашпионаж мҩаԥылгон ҳәа, хымш фатәыда, ӡырыжәтәда дҭакны дрыман. 2001 шықәса, сентиабр мзазы Анна Политковскаиа «Новаиагазета» аҿы илкьыԥхьит астатиа «Ибжьаӡуа ауаа», уаҟа еиҭалҳәоит Чечентәыла Ханты-Мансиисктәи ОМОН 2001 шықәса алагамҭазы идырбаандаҩыз, анаҩс хабарда ибжьаӡыз ачечен Зелимхан Мурдалов илахьынҵа атәы. Уи ашьҭахь лара лелектронтә почтахь аара иалагеит ақәмақарра зныԥшуаз ашәҟәқәа, Ханты-Мансиисктәи ОМОН аусзуҩы Сергеи Лапин иҟынтәи. Иара хаҭала Мурдалов даанкыланы иҿахәы иҿызхуаз иакәын. Лапин ахарадҵаидрыԥхьаӡалеит «ӷәӷәалаапҟареиимаҵуратәнапынҵақәархыҳәҳәареи» рзы астатиа ала, аха ԥыҭрак ашьҭахь урҭ зегьы ихыхын.<ref>https://regnum.ru/news/polit/717889.html</ref> Иазгәаҭатәуп Анна Политковскаиа лҿы еихаркырц азы аҽазышәарақәа шыҟарҵахьаз уаанӡагьы. Сентиабр 1, 2004 шықәса, Беслан ауаа шасыс ианыргаз раԥхьатәи амш, Политковскаиа Нхыҵ Уаԥстәылаҟа иԥыруаз аҳаирплан дҭан, уаҟа илжәыз ачаи ашьҭахь лгәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Ас еиԥш аинцидент ажурналист лколлегацәа, иара убас Беслан, ауааԥсыра ахәшьара арҭеит заа иӡбаны лыԥсҭазаара ашәарҭа аҭаргылара иазкын ҳәа. Бесланҟа лара лцара хықәкыс иаман, ачечен жәлар рыҩныҵҟа илықәыз аҳаҭыр лхы иархәаны, Аслан Масхадови, Ахмед Закаеви, ашкол №1 аанызкылаз атеррористцәеи реицәажәара аиҿкаара. Аҳаирплан аҟынтәи Политковскаиа лхы лзымдыруа днаган Ростовтәи аобласттә хәышәтәырҭахь. Ари, ихьыԥшым ажурналистка лҭархаразы раԥхьатәи ҽазышәаран. Анна Политковскаиа «аурыс жәлари урыстәылатәи аҳәынҭқарреи раӷацәа» рсиа дахыԥхьаӡалан, уи аҩыза асиа шыҟаз аҳәамҭа ҟаиҵеит ЛДПР аҟынтәи адепутат Николаи Курианович 2006 шықәса, март мзазы.<ref>http://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml</ref> == А. Политковскаиа лҭархара == Октиабр 7, 2006 шықәсазы Анна Политковскаиа дҭахоит Москва, дахьынхоз аҩны аҵаларҭаҿы, ацәгьауаҩы инапала. А. Политковскаиа «Новаиа газета» аҿы аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭа «Карательныи сговор» - азкын афедералтә мчқәа ирыдгылан еибашьуаз ачечен отриадқәа реилазаареи русуреи. «Новаиа газета» анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы ианыларан иҟан лыстатиа Чечентәыла ауаа рыргәаҟра иазкыз. Аматериал аҿы иарбан Чечентәыла аԥыза-министр Рамзан Кадыров ауаа рӷьычра далахәын ҳәа.<ref>https://www.gazeta.ru/2006/10/07/last219131.shtml</ref> Анна Политковскаиа аҵыхәтәантәи линтервиу илҭеит «Кавказски узел» ахатәы корреспондент, лҭахара сааҭки бжаки шагыз. Уи хьӡыс иаман «Кадыров Чечентәыла ахадас дҟамлароуп» ҳәа. Октиабр 15, 2008 шықәса инаркны февраль 19, 2009 шықәсанӡа ицоз раԥхьатәи аӡбаратә процесс аҟны аӡбаҩцәа ариашаратә вердикт алыркааит, аха авердикт ԥсахын, аус ҿыц ахәаԥшрахь идәықәҵан. Аҩбатәи апроцесс иалагеит ииуль мза 2013 шықәсазы, 2012 шықәса октиабр мзазы, ԥасатәи амилициа аусзуҩы, ауаҩшьра алахәразы зҿы зқәыԥҽыз Дмитри Павлиученков 11 шықәса аниқәырҵа ашьҭахь.<ref>https://lenta.ru/news/2006/10/07/kill/</ref> Маи мза 20, 2014 шықәсазы аӡбаҩцәа рколлегиа Анна Политковскаиа лҭархаразы зус рыӡбоз рыхәҩыкгьы ахара рыдуп ҳәа азырыԥхьаӡеит. Дара ишырхароу ала рҿы рықәшаҳаҭымхеит. Ииун 9, 2014 шықәсазы Москватәи ақалақьтә усӡбарҭа Анна Политковскаиа лышьра аус ала азыӡба аднакылеит. Зус рыӡбоз Лом-Али Гаитукаеви Рустам Мухамедови рыԥсы ҭанаҵы аҭакра рықәҵан. Аишьцәа Ибрагими Џьабраили Махмудоваа жәаҩа, жәиԥшь шықәса аҭакра рықәҵан, Хаџьикурбанов иакәзар, ҩажәа шықәса иџьбароу арежим ала аколониахь дышьҭын. 2014–2015 шықәсқәа ирҭагӡаны ауаҩшьрзы аусҭҵаара шамахамзар имҩаԥыргомызт, Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы акәзар, зус ӡбаз рапеллиациазы аилатәарақәа цон. 2015 шықәса, март мзазы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны ахыҵхырҭақәа иаарыцҳаит аусҭҵаара иофициалтәым арбагақәа, урҭ ирықәыршәаны, Борис Немцови ажурналистка Анна Политковскаиеи рҭахашьа аҭагылазаашьақәа ахьеиԥшу рацәоуп.<ref>https://www.kommersant.ru/doc/711307</ref> 2014 шықәса, октиабр мзазы ажурналистка А. Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рышьақәыргылараз адҵа ҟарҵеит, Москва аредакциа «Новаиа газета» ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥгаз агәаларшәаратә церемониа иалахәыз. 2015 шықәсазы иҭахаз ажурналистка лколлегацәеи илзааигәази агәынамӡара аадырԥшит аусҭҵаара амҩаԥысшьазы. «Новаиа газета» ажурналистцәа агәрагара аадырԥшит, Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шалшо азы. Азинхьчаҩцәа Олег Орлови Валери Боршьиови аҳәамҭа ҟарҵеит, Урыстәыла амчрақәа, абар жәышықәса Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шырҭахым аадырԥшуеит ҳәа. «Амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рыцәгьаурақәа ирызкыз аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭақәа ҳасаб рзуны, Политковскаиа лышьра еиҿызкааз Чечентәылатәзар алшоит ҳәа агәаанагара роуит. Аха аусҭҵаарақәа рымҩаԥгараан Чечентәылаҟа уназгоз арахәыцқәа ԥыҵәҵәан. Ацәгьаура еиҿызкаазгьы деилкаамхеит», – ҳәа ациҵоит Олег Орлов. 2019 шықәсанӡа А. Политковскаиа лышьра иадҳәалоу ауаа аарԥшымкәа иаанхоит. Ауаҩшьра ҟазҵаз рус анырыӡба инаркны, ацәгьаура еиҿызкааз ишьақәыргыларазы аусҭҵаара шьаҿакгьы ԥхьаҟа имцеит.<ref>https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/103964/</ref> == ПАСЕ == 2007 шықәса ианар 25 рзы Страсбург имҩаԥысуаз ПАСЕ асессиаҿы иазыӡырҩын британиатәи адепутат Ендриу Макинтош иажәахә «Ажурналистцәа ргәаанагара аарԥшра рыԥсҭазаареи рхақәиҭреи ашәарҭара иҭанаргылоит». Ажәахә аҿы иҳәан ПАСЕ агәҭынчымра шаанарԥшуа «Европа ажурналистцәа рыԥсҭазаареи ражәа ахақәиҭреи иахьақәмақаруа» 2006 шықәсазы, иара убас ианармза 2007 шықәсазы, убри аан хазы иргәаладыршәеит Ҭырқәтәылан аерман журналист Грант Динк ишьреи Анна Политковскаиа лышьреи. Ажәалагала ҟаҵан арезолиуциа апроект аҿы иарбазарц апункт, уи аҟны ПАСЕ урыстәылатәи апарламентари рахь ааԥхьара ҟанаҵеит «Анна Политковскаиа лышьразы ихьыԥшым апарламенттә ҭҵаарақәа мҩаԥгазарц».<ref>https://www.newsru.com/world/24jan2007/pase_politkowskaya.html</ref> == Ахәшьарақәа == Анемец газеҭ Die Welt агәаанагарала, Политковскаиа «агәра улыргон акьыԥхь ажәа амчра ду шамоу». Арегионалтә еиҿкаара «Амилаҭтә еиқәырхара чечентәи аилак»: Нхыҵ Кавказ иаанхеит ирацәаҩны Анна Политковскаиа гәыкала илзыҟоу ауаа, лыԥсра зхатә хьаа еиԥш издызкылаз. Лара лыбзоурала ирацәаҩын згәы зҟажоз. Лара лыбзоурала анацәа, аеҳәшьцәа ргәырҩа атәы заҳаз маҷҩым. Анна Политковскаиа лыхьӡ ажурналисттә гәымшәареи аиашареи иадыркылоит. Москватәи Хьельсинктәи агәыԥ анапхгаҩы Лиудмила Алексеева лгәаанагарала, Политковскаиа даҿагылан азиндара, ақәымчра, амц. Лара ишьақәлырӷәӷәеит аӡәы ихалагьы аибашьра адәаҿы илшо шырацәоу. Иасен Засурски, МГУ ажурналистика афакультет адекан, Анна Политковскаиа рҵаҩыс илымаз, аҳәамҭа ҟалҵеит: «Лара лыԥсра – ааха ӷәӷәоуп ҳжурналистиказы, избанзар лара ҳжурналистика аламыс дахаҭарнакын. Сгәы иаанагоит, Анна Политковскаиа ҳара ҳгәалашәараҿы даанхоит зыламыс цқьоу, акоррупциеи ауаҩы изинқәа реилагареи ирҿагылаз аӡәы лакәны».<ref>http://politkovskaya.novayagazeta.ru/letters/letters-001.shtml</ref> == Ашәҟәқәа, афильмқәа, арепортажқәа == Анна Политковскаиа дравторуп Чечентәылеи Урыстәылеи аҭагылазаашьақәа ирызку адокументал-публицистикатә шәҟәқәа жәпакы. Урҭ рахьтә ирацәоуп аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рахь еиҭагоу. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: «Путешествие в ад. Чеченски дневник», «Втораиа чеченскаиа», «Путинскаиа Россиа» уҳәа убас егьырҭгьы. Ирацәоуп Анна Политковскаиа илызку адокументалтә фильмқәеи арепортажқәеи: Анна Политковскаиа. Убить журналиста. Адокументалтә фильм РенТВ Совершенно секретно: Политковскаиа. Совершенно секретно: Муратов Политковскаиа лзы.<ref>https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/103964/</ref> == Аҳамҭақәа == Анна Политковскаиа – дырлауреатуп урыстәылатәи жәларбжьаратәи ажурналисттә премиақәа. Чечентәылантәи арепортажқәа рсериазы 2000 шықәса, ианар мзазы лара иланашьан апремиа «Золотое перо России». Анна Политковскаиа иланашьан егьырҭ апремиақәагьы: Адиплом «Золотои гонг-2000» Чечентәылантәи аматериалқәа рсериазы. Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа «Добрый поступок – доброе сердце». Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара иазку аматериалқәа рзы: Вальтер Гамниус ипремиа (Берлин) – «Аграждантә фырхаҵаразы», ОБСЕ есышықәсатәи апремиа «Ажурналистикеи адемократиеи рзы» – «Чечентәыла ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьазы апубликациақәа рзы».<ref>https://naviny.media/rubrics/abroad/2007/09/20/ic_news_118_277235{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=March 2025 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> == Аҭаацәара == Анна Политковскаиа дҭаацәаран 1978 инаркны 2000 шықәсанӡа. Лара лыԥшәма – атележурналист Александр Политковски. Анна илҭынхеит ҩыџьа ахәыҷқәа: лыҷкәын Илиа, лыԥҳа Вера.<ref>http://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Нанҳәамза 30 рзы ииз]] [[Акатегориа:1958 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 7 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:2006 шықәсазы иԥсыз]]
Анна Степан-иԥҳа Политковскаиа (; , Ниу-Иорк – , Москва) – урыстәылатәи ажурналист, азинхьчаҩ. Нхыҵ Кавказ ирацәаны аус лухьан. Дыршьит 2006 шықәсазы. 2019 шықәсанӡа Анна Политковскаиа лҭархара иадҳәалаз аус аарԥшымызт, ацәгьаура ҟазҵаз ҳәа ирыԥхьаӡоз 2014 шықәсазы рус шырыӡбазгьы.http://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml Анысмҩа Анна Политковскаиа диит август 30, 1958 шықәсазы Ниу-Иорк, хылҵшьҭрала иукраинатәыз асоветтә ҭаацәараҿы. (Даҽа хыҵхырҭақәак рыла, Анна Политковскаиа диит Украина, Черниговтәи аобласт аҿы.) Анна Политковскаиа лыжәлаҵәҟьа Мазепа ауп. 1980 шықәсазы далгеит Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет. 1982–1993 шықәсқәа рзы аус луан агазеҭқәа «Известиа», «Воздушныи транспорт», арҿиаратә еилазаара «Ескарт», аҭыжьырҭа «Паритет», агазеҭ «Мегаполис-Експресс» ахҳәааҟаҵаҩыс.https://knigogid.ru/authors/5752-anna-politkovskaya 1994–1999 шықәсқәа рзы Анна Политковскаиа – «Обшьаиа газета» аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыҟәша аредакторс дыҟан. 1999 шықәса ииун мза инаркны Политковскаиа журналистк лаҳасабала акырынтә дцахьан Даӷьсҭан аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рахь, дырҭаахьан ахҵәацәа рлагерқәа, анаҩс Ингәыштәыла, Чечентәыла. Лус хада инаҷыданы, Анна Политковскаиа убасгьы лнапы рылакын азинхьчаратә усқәа: аӡбарҭаҿы иҭахаз аруаа ранацәа дрыцхраауан, Чечентәыла иҟаз афедералтә архәҭақәа еидҵоу ргәыԥ акомандаҟаҵареи Атәылахьчара аминистрреи рҟны акоррупциа аҭҵаарақәа мҩаԥылгон. 1999 шықәса, декабр мзазы Анна Политковскаиа еиҿылкааит грозныитәи абыргцәа рыҩнаҿы инхоз ԥшьынҩажәи жәҩык ревакуациа, лара лыбзоурала урҭ зегьы Урыстәыла инырхан. Аха аԥхын 2000 шықәсазы, абыргцәа ҩажәи ҩыџьаҩык Грозныиҟа ирхынҳәын, «адунеи зегь иадырбарц Грозныи аԥсҭазаара шышьақәгылаз». Ауаа ирымамызт аӡы, ахәшәқәа, афатә, амаҭәа. 2000 шықәса август мзазы Анна Политковскаиа лаԥшьгарала «Новаиа газета» имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа «Грозныи. Абыргцәа рыҩны» – еизган хә-нызқьи хәышә тонна аидареи хә-нызқь доллари.https://24smi.org/celebrity/3290-anna-politkovskaia.html 2002 шықәса, октиабр мзазы Анна Политковскаиа далахәын Москва Атеатралтә центр Дубровка иақәлаз «Риад ус-Салихин» абригада аҟынтәи ачечен еибашьцәа рыбжьацәажәара. Атеррористцәа зацәажәарц ирҭахыз ауаа рхыԥхьаӡараҿы лара лыхьӡгьы ҳәан. Октиабр 25, 2002 шықәсазы Политковскаиа днеит шасыс иргаз рхақәиҭтәразы еиҿкааз аштаб ахь, аибашьцәа ҭелла драцәажәеит, анаҩс адоктор Леонид Рошали лареи Атеатралтә центр ахыбрахь иҩналеит, атеррористцәа иаанкылан ирымаз аӡыржәтә рызналгеит. 2001 шықәса, февраль мзазы Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Политковскаиа ахара лыдырҵеит акомандаҟаҵаҩ Шамиль Басаев ицхраараз ашпионаж мҩаԥылгон ҳәа, хымш фатәыда, ӡырыжәтәда дҭакны дрыман. 2001 шықәса, сентиабр мзазы Анна Политковскаиа «Новаиагазета» аҿы илкьыԥхьит астатиа «Ибжьаӡуа ауаа», уаҟа еиҭалҳәоит Чечентәыла Ханты-Мансиисктәи ОМОН 2001 шықәса алагамҭазы идырбаандаҩыз, анаҩс хабарда ибжьаӡыз ачечен Зелимхан Мурдалов илахьынҵа атәы. Уи ашьҭахь лара лелектронтә почтахь аара иалагеит ақәмақарра зныԥшуаз ашәҟәқәа, Ханты-Мансиисктәи ОМОН аусзуҩы Сергеи Лапин иҟынтәи. Иара хаҭала Мурдалов даанкыланы иҿахәы иҿызхуаз иакәын. Лапин ахарадҵаидрыԥхьаӡалеит «ӷәӷәалаапҟареиимаҵуратәнапынҵақәархыҳәҳәареи» рзы астатиа ала, аха ԥыҭрак ашьҭахь урҭ зегьы ихыхын.https://regnum.ru/news/polit/717889.html Иазгәаҭатәуп Анна Политковскаиа лҿы еихаркырц азы аҽазышәарақәа шыҟарҵахьаз уаанӡагьы. Сентиабр 1, 2004 шықәса, Беслан ауаа шасыс ианыргаз раԥхьатәи амш, Политковскаиа Нхыҵ Уаԥстәылаҟа иԥыруаз аҳаирплан дҭан, уаҟа илжәыз ачаи ашьҭахь лгәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩхеит. Ас еиԥш аинцидент ажурналист лколлегацәа, иара убас Беслан, ауааԥсыра ахәшьара арҭеит заа иӡбаны лыԥсҭазаара ашәарҭа аҭаргылара иазкын ҳәа. Бесланҟа лара лцара хықәкыс иаман, ачечен жәлар рыҩныҵҟа илықәыз аҳаҭыр лхы иархәаны, Аслан Масхадови, Ахмед Закаеви, ашкол №1 аанызкылаз атеррористцәеи реицәажәара аиҿкаара. Аҳаирплан аҟынтәи Политковскаиа лхы лзымдыруа днаган Ростовтәи аобласттә хәышәтәырҭахь. Ари, ихьыԥшым ажурналистка лҭархаразы раԥхьатәи ҽазышәаран. Анна Политковскаиа «аурыс жәлари урыстәылатәи аҳәынҭқарреи раӷацәа» рсиа дахыԥхьаӡалан, уи аҩыза асиа шыҟаз аҳәамҭа ҟаиҵеит ЛДПР аҟынтәи адепутат Николаи Курианович 2006 шықәса, март мзазы.http://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml А. Политковскаиа лҭархара Октиабр 7, 2006 шықәсазы Анна Политковскаиа дҭахоит Москва, дахьынхоз аҩны аҵаларҭаҿы, ацәгьауаҩы инапала. А. Политковскаиа «Новаиа газета» аҿы аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭа «Карательныи сговор» - азкын афедералтә мчқәа ирыдгылан еибашьуаз ачечен отриадқәа реилазаареи русуреи. «Новаиа газета» анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы ианыларан иҟан лыстатиа Чечентәыла ауаа рыргәаҟра иазкыз. Аматериал аҿы иарбан Чечентәыла аԥыза-министр Рамзан Кадыров ауаа рӷьычра далахәын ҳәа.https://www.gazeta.ru/2006/10/07/last219131.shtml Анна Политковскаиа аҵыхәтәантәи линтервиу илҭеит «Кавказски узел» ахатәы корреспондент, лҭахара сааҭки бжаки шагыз. Уи хьӡыс иаман «Кадыров Чечентәыла ахадас дҟамлароуп» ҳәа. Октиабр 15, 2008 шықәса инаркны февраль 19, 2009 шықәсанӡа ицоз раԥхьатәи аӡбаратә процесс аҟны аӡбаҩцәа ариашаратә вердикт алыркааит, аха авердикт ԥсахын, аус ҿыц ахәаԥшрахь идәықәҵан. Аҩбатәи апроцесс иалагеит ииуль мза 2013 шықәсазы, 2012 шықәса октиабр мзазы, ԥасатәи амилициа аусзуҩы, ауаҩшьра алахәразы зҿы зқәыԥҽыз Дмитри Павлиученков 11 шықәса аниқәырҵа ашьҭахь.https://lenta.ru/news/2006/10/07/kill/ Маи мза 20, 2014 шықәсазы аӡбаҩцәа рколлегиа Анна Политковскаиа лҭархаразы зус рыӡбоз рыхәҩыкгьы ахара рыдуп ҳәа азырыԥхьаӡеит. Дара ишырхароу ала рҿы рықәшаҳаҭымхеит. Ииун 9, 2014 шықәсазы Москватәи ақалақьтә усӡбарҭа Анна Политковскаиа лышьра аус ала азыӡба аднакылеит. Зус рыӡбоз Лом-Али Гаитукаеви Рустам Мухамедови рыԥсы ҭанаҵы аҭакра рықәҵан. Аишьцәа Ибрагими Џьабраили Махмудоваа жәаҩа, жәиԥшь шықәса аҭакра рықәҵан, Хаџьикурбанов иакәзар, ҩажәа шықәса иџьбароу арежим ала аколониахь дышьҭын. 2014–2015 шықәсқәа ирҭагӡаны ауаҩшьрзы аусҭҵаара шамахамзар имҩаԥыргомызт, Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы акәзар, зус ӡбаз рапеллиациазы аилатәарақәа цон. 2015 шықәса, март мзазы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны ахыҵхырҭақәа иаарыцҳаит аусҭҵаара иофициалтәым арбагақәа, урҭ ирықәыршәаны, Борис Немцови ажурналистка Анна Политковскаиеи рҭахашьа аҭагылазаашьақәа ахьеиԥшу рацәоуп.https://www.kommersant.ru/doc/711307 2014 шықәса, октиабр мзазы ажурналистка А. Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рышьақәыргылараз адҵа ҟарҵеит, Москва аредакциа «Новаиа газета» ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥгаз агәаларшәаратә церемониа иалахәыз. 2015 шықәсазы иҭахаз ажурналистка лколлегацәеи илзааигәази агәынамӡара аадырԥшит аусҭҵаара амҩаԥысшьазы. «Новаиа газета» ажурналистцәа агәрагара аадырԥшит, Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шалшо азы. Азинхьчаҩцәа Олег Орлови Валери Боршьиови аҳәамҭа ҟарҵеит, Урыстәыла амчрақәа, абар жәышықәса Анна Политковскаиа лышьра еиҿызкааз рыԥшаара шырҭахым аадырԥшуеит ҳәа. «Амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рыцәгьаурақәа ирызкыз аҵыхәтәантәи лкьыԥхьымҭақәа ҳасаб рзуны, Политковскаиа лышьра еиҿызкааз Чечентәылатәзар алшоит ҳәа агәаанагара роуит. Аха аусҭҵаарақәа рымҩаԥгараан Чечентәылаҟа уназгоз арахәыцқәа ԥыҵәҵәан. Ацәгьаура еиҿызкаазгьы деилкаамхеит», – ҳәа ациҵоит Олег Орлов. 2019 шықәсанӡа А. Политковскаиа лышьра иадҳәалоу ауаа аарԥшымкәа иаанхоит. Ауаҩшьра ҟазҵаз рус анырыӡба инаркны, ацәгьаура еиҿызкааз ишьақәыргыларазы аусҭҵаара шьаҿакгьы ԥхьаҟа имцеит.https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/103964/ ПАСЕ 2007 шықәса ианар 25 рзы Страсбург имҩаԥысуаз ПАСЕ асессиаҿы иазыӡырҩын британиатәи адепутат Ендриу Макинтош иажәахә «Ажурналистцәа ргәаанагара аарԥшра рыԥсҭазаареи рхақәиҭреи ашәарҭара иҭанаргылоит». Ажәахә аҿы иҳәан ПАСЕ агәҭынчымра шаанарԥшуа «Европа ажурналистцәа рыԥсҭазаареи ражәа ахақәиҭреи иахьақәмақаруа» 2006 шықәсазы, иара убас ианармза 2007 шықәсазы, убри аан хазы иргәаладыршәеит Ҭырқәтәылан аерман журналист Грант Динк ишьреи Анна Политковскаиа лышьреи. Ажәалагала ҟаҵан арезолиуциа апроект аҿы иарбазарц апункт, уи аҟны ПАСЕ урыстәылатәи апарламентари рахь ааԥхьара ҟанаҵеит «Анна Политковскаиа лышьразы ихьыԥшым апарламенттә ҭҵаарақәа мҩаԥгазарц».https://www.newsru.com/world/24jan2007/pase_politkowskaya.html Ахәшьарақәа Анемец газеҭ Die Welt агәаанагарала, Политковскаиа «агәра улыргон акьыԥхь ажәа амчра ду шамоу». Арегионалтә еиҿкаара «Амилаҭтә еиқәырхара чечентәи аилак»: Нхыҵ Кавказ иаанхеит ирацәаҩны Анна Политковскаиа гәыкала илзыҟоу ауаа, лыԥсра зхатә хьаа еиԥш издызкылаз. Лара лыбзоурала ирацәаҩын згәы зҟажоз. Лара лыбзоурала анацәа, аеҳәшьцәа ргәырҩа атәы заҳаз маҷҩым. Анна Политковскаиа лыхьӡ ажурналисттә гәымшәареи аиашареи иадыркылоит. Москватәи Хьельсинктәи агәыԥ анапхгаҩы Лиудмила Алексеева лгәаанагарала, Политковскаиа даҿагылан азиндара, ақәымчра, амц. Лара ишьақәлырӷәӷәеит аӡәы ихалагьы аибашьра адәаҿы илшо шырацәоу. Иасен Засурски, МГУ ажурналистика афакультет адекан, Анна Политковскаиа рҵаҩыс илымаз, аҳәамҭа ҟалҵеит: «Лара лыԥсра – ааха ӷәӷәоуп ҳжурналистиказы, избанзар лара ҳжурналистика аламыс дахаҭарнакын. Сгәы иаанагоит, Анна Политковскаиа ҳара ҳгәалашәараҿы даанхоит зыламыс цқьоу, акоррупциеи ауаҩы изинқәа реилагареи ирҿагылаз аӡәы лакәны».http://politkovskaya.novayagazeta.ru/letters/letters-001.shtml Ашәҟәқәа, афильмқәа, арепортажқәа Анна Политковскаиа дравторуп Чечентәылеи Урыстәылеи аҭагылазаашьақәа ирызку адокументал-публицистикатә шәҟәқәа жәпакы. Урҭ рахьтә ирацәоуп аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рахь еиҭагоу. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: «Путешествие в ад. Чеченски дневник», «Втораиа чеченскаиа», «Путинскаиа Россиа» уҳәа убас егьырҭгьы. Ирацәоуп Анна Политковскаиа илызку адокументалтә фильмқәеи арепортажқәеи: Анна Политковскаиа. Убить журналиста. Адокументалтә фильм РенТВ Совершенно секретно: Политковскаиа. Совершенно секретно: Муратов Политковскаиа лзы.https://www.kavkaz-uzel.eu/articles/103964/ Аҳамҭақәа Анна Политковскаиа – дырлауреатуп урыстәылатәи жәларбжьаратәи ажурналисттә премиақәа. Чечентәылантәи арепортажқәа рсериазы 2000 шықәса, ианар мзазы лара иланашьан апремиа «Золотое перо России». Анна Политковскаиа иланашьан егьырҭ апремиақәагьы: Адиплом «Золотои гонг-2000» Чечентәылантәи аматериалқәа рсериазы. Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа «Добрый поступок – доброе сердце». Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла апремиа, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара иазку аматериалқәа рзы: Вальтер Гамниус ипремиа (Берлин) – «Аграждантә фырхаҵаразы», ОБСЕ есышықәсатәи апремиа «Ажурналистикеи адемократиеи рзы» – «Чечентәыла ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьазы апубликациақәа рзы».https://naviny.media/rubrics/abroad/2007/09/20/ic_news_118_277235 Аҭаацәара Анна Политковскаиа дҭаацәаран 1978 инаркны 2000 шықәсанӡа. Лара лыԥшәма – атележурналист Александр Политковски. Анна илҭынхеит ҩыџьа ахәыҷқәа: лыҷкәын Илиа, лыԥҳа Вера.http://politkovskaya.novayagazeta.ru/bio.shtml Азгәаҭақәа Акатегориа:Нанҳәамза 30 рзы ииз Акатегориа:1958 шықәсазы ииз Акатегориа:Абҵарамза 7 рзы иԥсыз Акатегориа:2006 шықәсазы иԥсыз
37733
https://ab.wikipedia.org/wiki/Асовет_Еидгыла_аилабгара
Асовет Еидгыла аилабгара
'''Асовет Еидгыла аилабгара''' – асоциалтә, аекономикатә, ауаажәларратә, аполитикатә хырхарҭақәа еидызкылоз, [[1989]]-[[1991]] шықәсқәа рзы АЕ ҳәынҭқарраҵас аҟазаара аанызкылаз процессын. == Асовет Еидгыла аиҿкаашьа == [[1992]] шықәсазы [[Асовет Еидгыла]] анеиҿкаахаз аамҭазы АЕ иазаанхоит Урыстәылатәи аимпериа адгьылҵакыра аиҳараки уи аструктуреи. Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьраҿы аиааира згаз атәылак аҳасаб ала, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла Асовет Еидгыла азин аиуеит Еворопеи Азиеи рҿы адгьыл рацәақәа рхылаԥшреи анапхгара рыҭареи. 1949 шықәсазы АЕ аҩныҵҟа еиҿкаахоит Аекономикатә еицхырааразы Асовет, анаҩс иаларгалоит еицырзеиԥшу авалиута – амааҭ<ref>Рыжков Н. И. Главный свидетель: дело о развале СССР — М. 2015</ref>. Аетностә гәыԥқәа рхылаԥшразы аԥҟара мҽыӷқәа ралагалареи, амассатә хдырраҿы ажәларқәа реиҩызара алозунг аларҵәареи рыбзоурала иалыршахеит аидгыла асистема ашьақәырӷәӷәара.Убри аан амилаҭтә зҵаара Асовет Еидгыла аҩныҵҟа иӡбоуп ҳәа иԥхьаӡан. 1977 шықәсазы ирыдыркылоит Асовет Еидгыла аконституциа. Уаҟа ишьақәырӷәӷәан Жәлар рсовет. Аха "аиҭашьақәыргылара" ҳәа изышьҭоу 1980-тәи ашықәсқәа рзы иалагаз аҿагыларақәа раан еиҳа-еиҳа ирацәахо иалагоит АЕ ашьақәгылашьа згәамԥхоз рықәгыларақәа, уи алҵразы ацәажәарақәагьы рацәахоит. Асовет Еидгыла иалаз атәылақәа зегьы ихьыԥшьым ҳәынҭқарраны иԥхьаӡан, АЕ аконституциа ишаҳәоз ала, дара ианырҭаху аамҭазы аидгыла алҵразы азин рыман. Убри аан, азакәанԥҵараҿы иазгәаҭаӡамызт уи алҵра шымҩаԥгатәу. 1990 шықәсазы мшаԥымзазы ирыдыркылоит аидгыла иалахәыз ареспубликақәа ралҵра шымҩаԥгатәу азырбо азакәан, аха уи алҵра ицәгьаз процессын. Иазгәаҭан Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа, егьырҭ атәылақәеи дареи аизыҟазаашьақәа рымазарц азы азин. Ус Белоруссиеи Украинеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аханатә илахәын. Аха иҟаҵәҟьаз аҭагылазаашьа хазын. Асовет Еидгыла иалаз ареспубликақәа рҿы анапхгаратә ҭыԥқәа зырҭоз зегьы Москвантәи ирыхәаԥшны ишьақәдырӷәӷәон<ref>{{Cite web |url=https://w.histrf.ru/articles/article/show/raspad_sssr_n |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2022-02-11 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220211040345/https://w.histrf.ru/articles/article/show/raspad_sssr_n |url-status=dead }}</ref>. == АЕ аилабгара амзызқәа == Иахьатәи аамҭазы аҵыхәтәанынӡа еилкаам Асовет Еидгыла аилабгара зыхҟьаз. Аха уи аганахь ала еиуеиԥшым амзызқәа азгәарҭоит. Уахь иаҵанакуеит иҿио асоциализм аҭыԥан АЕ аҩныҵҟа аҳәынҭқарратә капитализм аргылара иахьаҿыз. Иара убас, аҭоурыхҭҵааҩцәа иазгәарҭоит, апартиатә алыхра аҽахьаԥсахыз анырра анаҭеит Асовет Еидгыла аилабгара. Амчра знапаҿы иҟаз апартиатә напхгара амал арҳара хықәкыс ирыман, убри аан, ари аус аҿы ԥырхагак рымаӡамызт, аҳәынҭқарратә ресурсқәа ишырҭахыз рхы иахьадырхәоз.<ref>А.А. Сушенцов. МЕЖДУНАРОДНЫЕ ПОСЛЕДСТВИЯ РАСПАДА СССР: КОНЦЕПТУАЛЬНЫЙ УГОЛ ЗРЕНИЯ. СРАВНИТЕЛЬНАЯ ПОЛИТИКА • 4 (10) / 2012</ref> Егьырҭ амзызқәа иреиуан: адәныҟатәи ахәаахәҭразы амонополиа мап ацәкра, 1987 шықәсазы имҩаԥгаз аекономикатә реформа, аидеологиа ҿыц аларҵәара, оппозициатә процессқәеи амилаҭтә ҵысрақәеи рцәырҵра, ЕА анапхгара рымчқәа аԥсыҽхара. Аидгыла аилабгараҿы анырра азҭаз амзызқәа иреиуоуп, иара убас, Асовет Еидгылаҿы мраҭашәаратәи иҷыдоу амаҵурақәа русура. Иҟоуп агәаанагара, иара апартиатә напхараҿгьы уи амаҵзура ахаҭарнакцәа ралагалара рылшеит ҳәа. Атехникатә аиҵахара, ауаажәларратә еиҟарамра ирызцәырнагоз агәынамӡарақәа, "аихатә ԥарда" ҳәа изышьҭоу асистема, аҳәынҭқарратә цензура – уи зегьы АЕ аилабгараҿы мзызны иԥхьаӡоуп<ref>''Поляков Ю. А.'' Главное Столетие Истории (рус.) // Россия На Рубеже XXI Века: Сборник научных статей РАН. Институт российской истории. — М.: Наука, 2000. — С. 184—202.</ref>. Академик Андреи Сахаров иакәзар, 1989 шықәсазы иҭиҵааит, насгьы икьыԥхьит, Аконституциа ҿыц апроект. Уаҟа иара ирыдигалоит Асовет Еидгыла аконфердерациа ахь аиагара аидеа. Аха, уи апроект аконституциатә комиссиа алацәажәара аҿынӡа имнеиӡеит, апроект аҿы иарбаз азакәанԥҵаратә идеиақәа анырра рырҭоит АЕ аҵыхәтәантәи апериод аан асоциалтә-политикатә процессқәа рҿы<ref>Нефёдов С. А., ''Алексеев В. В.'' Гибель Советского Союза в контексте истории мирового социализма // Общественные науки и современность. № 6, 2002, С. 66-77</ref>. Иреиҳаӡоу АЕ Асовет ахантәаҩы Руслан Хасбулатов иазгәеиҭон: зегьы реиҳа ишәарҭаз аидгыларатә еиқәшаҳаҭра абжьаҵара аидеиа ахьцәырҵыз ауп. Уи аиқәшаҳаҭра 1922 шықәсазы ирыдыркылоит Урыстәылеи, Украинеи, Нхыҵ Кавкази. Анаҩс уи шьаҭас иҟалоит 1924 шықәсазы ирыдыркылаз раԥхьатәи Асовет Еидгыла Аконституциа. 1936 шықәсазы ирыдыркылоит аҩбатәи Аконституциа, 1977 шықәсазы — ахԥатәи. Аидгыларатә еиқәшаҳаҭра уа иналаӡит, аҭоурыхҭҵааҩцәа рыдагьы уи аӡәгьы игәалашәаӡом уаҳа. Аха, ҿыц уи азҵаара анцәырыргаз, Аконституциа аҭаху-иаҭахыму ҳәа иазхәыцуа иалагеит, иара АЕ ахаҭа аҟазаара изакәантәымушәагьы иҟалоит. Убри ала адезинтеграциатә процессқәа еиҳа-еиҳа рымчқәа ирыцло иалагоит. Усҟан М. Горбачиови иара идгылози 1985 шықәсазы Асовет Еидгыла аҩныҵҟа аекономикатә кризис шыҟамыз азгәарҭон. Уи цәырҵуеит анаҩс, аҽарҭбаауеит "аиҭашьақәыргылара" ҳәа изышьҭаз апериод аан. Ԥхынҷкәынмза 1991 шықәсазы акьыԥхь аҿы ицәырҵуеит М. Горбачиов Асовет Еидгыла апрезидентк иаҳасаб ала аҵыхәтәантәи иинтервиу, уи аҿы иара иазгәеиҭон, сыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз аус нагӡоуп ҳәа<ref>{{Cite web |url=https://sovtime.ru/history/raspad-sssr |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2023-06-09 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230609222745/https://sovtime.ru/history/raspad-sssr |url-status=dead }}</ref>. == АЕ аҩныҵҟа аетностә конфликтқәа == 1985 шықәсазы Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ хада Михаил Горбачиови егьырҭ иара идгылаз апартиа алахәылацәеи, аидеологиа ҿыц ареформақәа раԥшьгаразы аусурақәа ирылагеит. Уи апроект хьӡысгьы иарҭеит "аиҭашьақәыргылара" ҳәа. Уи иабзоураны ажәлар рполитикатә активра акыр иацлоит, рҽеиҿыркаауеит амассатә қәгыларақәа. Анапхгаратә система ареформа азуразы аԥшьгарақәа атәылаҿы еиҳа акризис дырҭбаауеит. Асовет Еидгыла аилабгара аекономикатәи адәныҟатәи политика алаҟәра ацын. 1989 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аофициалла иазгәаҭан Асовет Еидгыла аҿы аекономикатә кризис алагара. Аҭирҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи ибжьаӡуеит ихадоу атауарқәа. Атәыла арегионқәа рҿы ауаа ирыларгалоит атауарқәа раахәаразы аталонқәа. Атәылақәа рыҩныҵҟатәи аусқәа аҽалагаларазы аполитика мап ацәкра иахҟьаны, Мрагыларатәи Европа Асовет Еидгыла иадгылоз арежимқәа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Ԥхынҷкәынмза 9, 1990 шықәсазы Польша амчрахь днеиуеит азанааҭеидгыла «Солидарность» ԥасатәи аиҳабы Лех Валенса, Чехословакиа ԥхынҷкәынмза 29, 1989 шықәсазы — адиссидент Вацлав Гавел. Румыниа акәзар, мчыла акоммунисттә напхгара наскьаган, атәыла ахада Николае Чаушеску иԥҳәыси иареи ршьуеит атрибунал азыӡба ала. Асоветтә политика ахыԥша Европа зынӡа илаҟәит. Асовет Еидгыла аилабгара аамҭазы аидгыла аҩныҵҟа амилаҭтә конфликтқәагьы ирылагоит. Ус раԥхьатәи аибарххара цәырҵуеит Иакутиа, хәажәкырамза 1986 шықәсазы Иакутск ақалақь аҿы аурыс ҿари, Иакутсктәи аҳәынҭқарратә университет иҭаз астудентцәеи аидысларақәа ирылагоит. Уи анаҩс, акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгарҭа «Иакутск аҿар рыбжьара анегативтә ҟазшьа змоу ацәырҵрақәа раарԥшра" ҳәа ақәҵара рыдыркылоит. Уи ашьҭахь, Казахсҭангьы уи еиԥшыз аиҿагыларақәа ирылагоит, ус, 16 ԥхынҷкәынмза 1986 шықәсазы Казахсҭан ареспублика ахада Динмухамед Кунаев тәанчаҩра дахьырышьҭыз азы, Алма-Ата ақәшаҳаҭымхаратә акциа мҩаԥыргоит. Уи ихаҭыԥан далархуеит Геннади Колби. Адемонстрациа арратә мчқәа рыла иааныркылоит. Урҭ ахҭысқәа аҭоурых аҿы «Желтоксан» ҳәа иаанхоит. Нас, ԥхынҷкәынмзазы иҟалаз ахҭысқәа атоталитартә система аилабгаразы иалагаз апроцессқәеи, Казахсҭан ахьыԥшымра азҵаара ашьҭыхреи ирыдырҳәалон. Урҭ ахҭысқәа ирылахәыз ауаа зегьы ареабилитациа рызун, аидысларақәа раан ааха зауз зегьы асоциалтә цхыраара рыҭан. Ԥхынгәы 1987 шықәсазы крымтәи аҭаҭарцәа ргәынамӡарақәа еиҳа-еиҳа ирыцлоит, аиҿкаарақәа аԥҵара ирылагоит. Ԥхынгәы 1987 шықәсазы Москва имҩаԥысуеит Крым автономиа арханҳәразы крымтәи аҭаҭарцәа рманифестациақәа. Ԥхынгәы 15–16, 1989 шықәсазы Аҟәа аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара даҽа еидысларак ҟалоит. Аха зегь реиҳа иҵарыз, 1988 шықәсазы Ҟарабах иалагаз аконфликт акәын. Фергантәи аԥшаҳәаҿы еиуеиԥшым ажәларқәа ахьынхогьы аилаҩынтра иалагоит, лаҵарамза анҵәамҭазы, 1989 шықәсазы Узбекисҭан Фергантәи аҳаблаҿы аузбекцәеи аҭырқәцәеи реизыҟазаашьақәа цәгьахоит, уаҟа ирылагоит анырҵәарақәеи ақәхрақәеи. Урҭ ахҭысқәа «Фергантәи ақәхрақәа" ҳәа аҭоурых аҿы иаанхоит. Аконфликт иахҟьаны уаҟа инхоз аҭырқәцәа массала рыҩнқәа ааныжьны иқәҵуеит<ref>Ферганская долина: этничность, этнические процессы, этнические конфликты / Редакторы: Сергей Абашин, Валентин Бушков. — М.: Наука, 2004. — 224 с.</ref>. Киргизиагьы ус еиԥш иҟаз аиҿагыларақәа ирылагоит. Уаҟа аетностә конфликт цәырҵуеит акиргизцәеи аузбекцәеи рыбжьара<ref>''Шарафулин М. М.'' Межнациональные конфликты: причины, типология, пути решения.</ref>. 1930—1940 шықәсқәа раан адепортациа ззыруз ажәларқәа ареабилитациа рызура ианалага аибарххарақәа еиҳа рымҽхак дырҭбаауеит. Ус Крым аурысцәеи аҭаҭарцәеи рыбжьара аконфликт аҽарӷәӷәоит. Аҩадатәи Уаԥстәыла Пригородныи араион аҿы —ауаԥсцәеи аингәышцәеи еиҿагылоит. Акризис аҽарҭбаацыԥхьаӡа адемократцәа рхада Борис Ельцын еиҳа-еиҳа дырдыруа, иаҳаҭыргьы шьҭыҵуа иалагоит. Џьоукы-џьоукы аҭоурхыҭҵааҩцәа иазгәарҭоит, Асовет Еидгыла анапхгара "аиҭашьақәыргылара" аамҭазы ишацхраауаз аилабгаразы имҩаԥысуаз апроцессқәа. == 1991 шықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа == Жәабранмза 7, 1990 шықәсазы, Акоммунисттә партиа ацентртә Комитет амчразы амонополиа ԥсыҽхеит ҳәа алаҳәара ҟанаҵоит. Мчыбжьқәак аҩныҵҟа имҩаԥысуеит раԥхьатәи аиндаҭларатә алхрақәа. Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа жәлар реизарақәа рҿы аҭыԥқәа реиҳарак алибералцәеи амилаҭеилыхыҩцәеи иргоит. Урҭ Асовет аиҳабыра адгылара рырҭон. Дара рхаҭақәа Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа рҿы ареволиуциақәа рымҩаԥгара аидеиа аладырҵәон. Ус иҟан Прибалтика. 1989—1991-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуеит убри еиԥш ахҭысқәа "асуверенитетқәа рпарад" ҳәа аҭоурых ианылаз. Уи иаанагоз Аидгыла иалаз атәылақәа зегьы рхатә хьыԥшымра ашьақәыргыларазы Асовет Еидгыла ралҵра акәын. Азакәан аганахь ала АЕ аҟынтәи алҵразы ирыдыркылаз ақәҵарақәа рыла, ареспубликақәа рхатә закәанқәа еиҳа аԥыжәара рыман. Дара рхатә економика рнапаҿы аагарагьы иалагоит, Асовет Еидгыла ашәахтәқәа ралаҵарагьы мап ацәыркуеит. Арҭ аконфликтқәа ирыхҟьаны аекономикатә еимадара ыӡуеит, асоциалтә ҭагылазаашьагьы еиҳа еицәахоит. Раԥхьаӡа ахьыԥшымразы ақәҵара аднакылоит 1990 шықәсазы Нахичевантәи ареспублика, анаҩс Литва, Қарҭ, Естониа, Латвиа, Молдавиа, Ермантәыла. Нанҳәамза 1991 шықәсанӡа егьырҭ иаанхаз Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа зегьы аидгыла иалҵуеит<ref>«Радикальное сокращение стратегических вооружений — выбор сделан», observer.materik.ru</ref>. Хәажәкырамза 1991 шықәсазы имҩаԥысуеит ареферендум, уи азҵаара хада – Асовет Еидгыла еиқәырхатәу еиқәырхатәыму, ииагатәу уи афедерациа аформат ашҟа ҳәа. Уи иақәшаҳаҭхеит 77% ауааԥсыра. Ареферендум иалахәӡамызт Литва, Естониа, Латвиа, Қарҭ, Молдавиа, Ермантәыла. Арефенрендум ашьҭахь ргәы иҭан Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рхеидкыла аиҿкаара. 1991 шықәсазы Асовет Еидгыла анапхгара иалахәыз гәыԥҩык атәыла азеиԥшра аиқәырхара рҽазыркуеит, урҭ ахҭысқәа "нанҳәамзатәи апутч" ҳәа зегьы еицырдыруеит. Аконсервативтә ҟазшьа змаз аиҳабыраҿы иаԥшьаргоит аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа ҷыда алагалара, иҷыдоу акомитетгьы аԥырҵоит<ref>http://www.consultant.ru/law/podborki/raspad_sssr/</ref>. Дара усҟан Асовет Еидгыла президентс иамаз Горбачиов изинмчра Геннади Ианаев инапы ианырҵеит, Асовет Еидгыла аилабгара ааныркылар рҭаххеит. Нанҳәамза 19, 1991 шықәсазы Москвеи агьырҭ арегионқәеи арратә техника аларгалоит, аха уи иаҿагылоит апрезиденти атәыла Еиҳаӡоу Асовети. Нанҳәамза 19–21 амассатә митингқәа мҩаԥысуеит Москвеи Ленингради. Ельцин иқәгылараҿы ааԥхьара ҟаиҵоит апутч ҟазҵаз ирыдымгыларц азы. Москва апрезидент ирезиденциаҿы ааигәара зқьҩыла ауааԥсыра еизоит, урҭ ар абџьар рхы иадмырхәарц азы ирыҳәоит. Хымш рышьҭахь апутч еиҿызкааз рҽааныркылоит, абахҭагьы иҭаркуеит, убри алагьы Ельцин даиааиуеит<ref>http://www.bibliotekar.ru/boris-eltsin/3.htm</ref>. Ари аҵахара ашьҭахь Горбачиов имчқәа ицәыӡуа далагоит. Нанҳәамза анҵәамҭа нахыс, аполитикатәи аҳәынҭқарратәи еилазаарақәа реилабгара иалагоит, Горбачиов Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыԥ аанижьуеит, Асоветтә министрцәа реилазаарагьы аушьҭын<ref>https://www.e-reading.club/chapter.php/1025297/12/Ostrovskiy_-_Kto_postavil_Gorbacheva%3F.html</ref>. == Асовет Еидгыла аилыбгара алҵшәақәа == Асовет Еидгыла анеилабга ашьҭахь Ельцини иара идгылази аиҭакрақәа ирылагоит. Раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуан: аекономикаҿы – ахәқәа алиберализациа рызура, аполитикаҿы – администрациақәа рхадацәа ралагалара. АЕ аилабгара апроцесс ианалагоз аамҭазы, еиуеиԥшым ажәларқәа рыбжьара аконфликтқәа ирылагахьан. Асовет Еидгыла анеилабга, урҭ реиҿагыларақәа аибашьрахь ииасуеит. Ус иҟалоит Ҟарабах, Аԥсны, Аладатәи Уаԥстәыла, Таџьикисҭан, Чечниа, Приднестровие. Асовет Еидгылаҿы иҟаз амааҭ азона хырбган. 1989 шықәса рнахыс АЕ аилабгаразы акризис ианалага, еиуеиԥшым ареспубликақәа рҿы амилаҭтә ԥара алагаларазы аусқәа хацдыркуеит<ref>https://xn--h1aagokeh.xn--p1ai/journal/24/raspad-kotorogo-moglo-i-ne-byit-13.html{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=February 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref>. Иҳаракыз аԥаракаҳара иахҟьаны, 1993 шықәсазы асоветтә ԥара ацынхәрас урыстәылатәи амааҭ аларгалоит. ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла]]
Асовет Еидгыла аилабгара – асоциалтә, аекономикатә, ауаажәларратә, аполитикатә хырхарҭақәа еидызкылоз, 1989-1991 шықәсқәа рзы АЕ ҳәынҭқарраҵас аҟазаара аанызкылаз процессын. Асовет Еидгыла аиҿкаашьа 1992 шықәсазы Асовет Еидгыла анеиҿкаахаз аамҭазы АЕ иазаанхоит Урыстәылатәи аимпериа адгьылҵакыра аиҳараки уи аструктуреи. Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьраҿы аиааира згаз атәылак аҳасаб ала, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла Асовет Еидгыла азин аиуеит Еворопеи Азиеи рҿы адгьыл рацәақәа рхылаԥшреи анапхгара рыҭареи. 1949 шықәсазы АЕ аҩныҵҟа еиҿкаахоит Аекономикатә еицхырааразы Асовет, анаҩс иаларгалоит еицырзеиԥшу авалиута – амааҭРыжков Н. И. Главный свидетель: дело о развале СССР — М. 2015. Аетностә гәыԥқәа рхылаԥшразы аԥҟара мҽыӷқәа ралагалареи, амассатә хдырраҿы ажәларқәа реиҩызара алозунг аларҵәареи рыбзоурала иалыршахеит аидгыла асистема ашьақәырӷәӷәара.Убри аан амилаҭтә зҵаара Асовет Еидгыла аҩныҵҟа иӡбоуп ҳәа иԥхьаӡан. 1977 шықәсазы ирыдыркылоит Асовет Еидгыла аконституциа. Уаҟа ишьақәырӷәӷәан Жәлар рсовет. Аха "аиҭашьақәыргылара" ҳәа изышьҭоу 1980-тәи ашықәсқәа рзы иалагаз аҿагыларақәа раан еиҳа-еиҳа ирацәахо иалагоит АЕ ашьақәгылашьа згәамԥхоз рықәгыларақәа, уи алҵразы ацәажәарақәагьы рацәахоит. Асовет Еидгыла иалаз атәылақәа зегьы ихьыԥшьым ҳәынҭқарраны иԥхьаӡан, АЕ аконституциа ишаҳәоз ала, дара ианырҭаху аамҭазы аидгыла алҵразы азин рыман. Убри аан, азакәанԥҵараҿы иазгәаҭаӡамызт уи алҵра шымҩаԥгатәу. 1990 шықәсазы мшаԥымзазы ирыдыркылоит аидгыла иалахәыз ареспубликақәа ралҵра шымҩаԥгатәу азырбо азакәан, аха уи алҵра ицәгьаз процессын. Иазгәаҭан Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа, егьырҭ атәылақәеи дареи аизыҟазаашьақәа рымазарц азы азин. Ус Белоруссиеи Украинеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аханатә илахәын. Аха иҟаҵәҟьаз аҭагылазаашьа хазын. Асовет Еидгыла иалаз ареспубликақәа рҿы анапхгаратә ҭыԥқәа зырҭоз зегьы Москвантәи ирыхәаԥшны ишьақәдырӷәӷәон. АЕ аилабгара амзызқәа Иахьатәи аамҭазы аҵыхәтәанынӡа еилкаам Асовет Еидгыла аилабгара зыхҟьаз. Аха уи аганахь ала еиуеиԥшым амзызқәа азгәарҭоит. Уахь иаҵанакуеит иҿио асоциализм аҭыԥан АЕ аҩныҵҟа аҳәынҭқарратә капитализм аргылара иахьаҿыз. Иара убас, аҭоурыхҭҵааҩцәа иазгәарҭоит, апартиатә алыхра аҽахьаԥсахыз анырра анаҭеит Асовет Еидгыла аилабгара. Амчра знапаҿы иҟаз апартиатә напхгара амал арҳара хықәкыс ирыман, убри аан, ари аус аҿы ԥырхагак рымаӡамызт, аҳәынҭқарратә ресурсқәа ишырҭахыз рхы иахьадырхәоз.А.А. Сушенцов. МЕЖДУНАРОДНЫЕ ПОСЛЕДСТВИЯ РАСПАДА СССР: КОНЦЕПТУАЛЬНЫЙ УГОЛ ЗРЕНИЯ. СРАВНИТЕЛЬНАЯ ПОЛИТИКА • 4 (10) / 2012 Егьырҭ амзызқәа иреиуан: адәныҟатәи ахәаахәҭразы амонополиа мап ацәкра, 1987 шықәсазы имҩаԥгаз аекономикатә реформа, аидеологиа ҿыц аларҵәара, оппозициатә процессқәеи амилаҭтә ҵысрақәеи рцәырҵра, ЕА анапхгара рымчқәа аԥсыҽхара. Аидгыла аилабгараҿы анырра азҭаз амзызқәа иреиуоуп, иара убас, Асовет Еидгылаҿы мраҭашәаратәи иҷыдоу амаҵурақәа русура. Иҟоуп агәаанагара, иара апартиатә напхараҿгьы уи амаҵзура ахаҭарнакцәа ралагалара рылшеит ҳәа. Атехникатә аиҵахара, ауаажәларратә еиҟарамра ирызцәырнагоз агәынамӡарақәа, "аихатә ԥарда" ҳәа изышьҭоу асистема, аҳәынҭқарратә цензура – уи зегьы АЕ аилабгараҿы мзызны иԥхьаӡоупПоляков Ю. А. Главное Столетие Истории (рус.) // Россия На Рубеже XXI Века: Сборник научных статей РАН. Институт российской истории. — М.: Наука, 2000. — С. 184—202.. Академик Андреи Сахаров иакәзар, 1989 шықәсазы иҭиҵааит, насгьы икьыԥхьит, Аконституциа ҿыц апроект. Уаҟа иара ирыдигалоит Асовет Еидгыла аконфердерациа ахь аиагара аидеа. Аха, уи апроект аконституциатә комиссиа алацәажәара аҿынӡа имнеиӡеит, апроект аҿы иарбаз азакәанԥҵаратә идеиақәа анырра рырҭоит АЕ аҵыхәтәантәи апериод аан асоциалтә-политикатә процессқәа рҿыНефёдов С. А., Алексеев В. В. Гибель Советского Союза в контексте истории мирового социализма // Общественные науки и современность. № 6, 2002, С. 66-77. Иреиҳаӡоу АЕ Асовет ахантәаҩы Руслан Хасбулатов иазгәеиҭон: зегьы реиҳа ишәарҭаз аидгыларатә еиқәшаҳаҭра абжьаҵара аидеиа ахьцәырҵыз ауп. Уи аиқәшаҳаҭра 1922 шықәсазы ирыдыркылоит Урыстәылеи, Украинеи, Нхыҵ Кавкази. Анаҩс уи шьаҭас иҟалоит 1924 шықәсазы ирыдыркылаз раԥхьатәи Асовет Еидгыла Аконституциа. 1936 шықәсазы ирыдыркылоит аҩбатәи Аконституциа, 1977 шықәсазы — ахԥатәи. Аидгыларатә еиқәшаҳаҭра уа иналаӡит, аҭоурыхҭҵааҩцәа рыдагьы уи аӡәгьы игәалашәаӡом уаҳа. Аха, ҿыц уи азҵаара анцәырыргаз, Аконституциа аҭаху-иаҭахыму ҳәа иазхәыцуа иалагеит, иара АЕ ахаҭа аҟазаара изакәантәымушәагьы иҟалоит. Убри ала адезинтеграциатә процессқәа еиҳа-еиҳа рымчқәа ирыцло иалагоит. Усҟан М. Горбачиови иара идгылози 1985 шықәсазы Асовет Еидгыла аҩныҵҟа аекономикатә кризис шыҟамыз азгәарҭон. Уи цәырҵуеит анаҩс, аҽарҭбаауеит "аиҭашьақәыргылара" ҳәа изышьҭаз апериод аан. Ԥхынҷкәынмза 1991 шықәсазы акьыԥхь аҿы ицәырҵуеит М. Горбачиов Асовет Еидгыла апрезидентк иаҳасаб ала аҵыхәтәантәи иинтервиу, уи аҿы иара иазгәеиҭон, сыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз аус нагӡоуп ҳәа. АЕ аҩныҵҟа аетностә конфликтқәа 1985 шықәсазы Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ хада Михаил Горбачиови егьырҭ иара идгылаз апартиа алахәылацәеи, аидеологиа ҿыц ареформақәа раԥшьгаразы аусурақәа ирылагеит. Уи апроект хьӡысгьы иарҭеит "аиҭашьақәыргылара" ҳәа. Уи иабзоураны ажәлар рполитикатә активра акыр иацлоит, рҽеиҿыркаауеит амассатә қәгыларақәа. Анапхгаратә система ареформа азуразы аԥшьгарақәа атәылаҿы еиҳа акризис дырҭбаауеит. Асовет Еидгыла аилабгара аекономикатәи адәныҟатәи политика алаҟәра ацын. 1989 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аофициалла иазгәаҭан Асовет Еидгыла аҿы аекономикатә кризис алагара. Аҭирҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи ибжьаӡуеит ихадоу атауарқәа. Атәыла арегионқәа рҿы ауаа ирыларгалоит атауарқәа раахәаразы аталонқәа. Атәылақәа рыҩныҵҟатәи аусқәа аҽалагаларазы аполитика мап ацәкра иахҟьаны, Мрагыларатәи Европа Асовет Еидгыла иадгылоз арежимқәа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Ԥхынҷкәынмза 9, 1990 шықәсазы Польша амчрахь днеиуеит азанааҭеидгыла «Солидарность» ԥасатәи аиҳабы Лех Валенса, Чехословакиа ԥхынҷкәынмза 29, 1989 шықәсазы — адиссидент Вацлав Гавел. Румыниа акәзар, мчыла акоммунисттә напхгара наскьаган, атәыла ахада Николае Чаушеску иԥҳәыси иареи ршьуеит атрибунал азыӡба ала. Асоветтә политика ахыԥша Европа зынӡа илаҟәит. Асовет Еидгыла аилабгара аамҭазы аидгыла аҩныҵҟа амилаҭтә конфликтқәагьы ирылагоит. Ус раԥхьатәи аибарххара цәырҵуеит Иакутиа, хәажәкырамза 1986 шықәсазы Иакутск ақалақь аҿы аурыс ҿари, Иакутсктәи аҳәынҭқарратә университет иҭаз астудентцәеи аидысларақәа ирылагоит. Уи анаҩс, акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгарҭа «Иакутск аҿар рыбжьара анегативтә ҟазшьа змоу ацәырҵрақәа раарԥшра" ҳәа ақәҵара рыдыркылоит. Уи ашьҭахь, Казахсҭангьы уи еиԥшыз аиҿагыларақәа ирылагоит, ус, 16 ԥхынҷкәынмза 1986 шықәсазы Казахсҭан ареспублика ахада Динмухамед Кунаев тәанчаҩра дахьырышьҭыз азы, Алма-Ата ақәшаҳаҭымхаратә акциа мҩаԥыргоит. Уи ихаҭыԥан далархуеит Геннади Колби. Адемонстрациа арратә мчқәа рыла иааныркылоит. Урҭ ахҭысқәа аҭоурых аҿы «Желтоксан» ҳәа иаанхоит. Нас, ԥхынҷкәынмзазы иҟалаз ахҭысқәа атоталитартә система аилабгаразы иалагаз апроцессқәеи, Казахсҭан ахьыԥшымра азҵаара ашьҭыхреи ирыдырҳәалон. Урҭ ахҭысқәа ирылахәыз ауаа зегьы ареабилитациа рызун, аидысларақәа раан ааха зауз зегьы асоциалтә цхыраара рыҭан. Ԥхынгәы 1987 шықәсазы крымтәи аҭаҭарцәа ргәынамӡарақәа еиҳа-еиҳа ирыцлоит, аиҿкаарақәа аԥҵара ирылагоит. Ԥхынгәы 1987 шықәсазы Москва имҩаԥысуеит Крым автономиа арханҳәразы крымтәи аҭаҭарцәа рманифестациақәа. Ԥхынгәы 15–16, 1989 шықәсазы Аҟәа аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара даҽа еидысларак ҟалоит. Аха зегь реиҳа иҵарыз, 1988 шықәсазы Ҟарабах иалагаз аконфликт акәын. Фергантәи аԥшаҳәаҿы еиуеиԥшым ажәларқәа ахьынхогьы аилаҩынтра иалагоит, лаҵарамза анҵәамҭазы, 1989 шықәсазы Узбекисҭан Фергантәи аҳаблаҿы аузбекцәеи аҭырқәцәеи реизыҟазаашьақәа цәгьахоит, уаҟа ирылагоит анырҵәарақәеи ақәхрақәеи. Урҭ ахҭысқәа «Фергантәи ақәхрақәа" ҳәа аҭоурых аҿы иаанхоит. Аконфликт иахҟьаны уаҟа инхоз аҭырқәцәа массала рыҩнқәа ааныжьны иқәҵуеитФерганская долина: этничность, этнические процессы, этнические конфликты / Редакторы: Сергей Абашин, Валентин Бушков. — М.: Наука, 2004. — 224 с.. Киргизиагьы ус еиԥш иҟаз аиҿагыларақәа ирылагоит. Уаҟа аетностә конфликт цәырҵуеит акиргизцәеи аузбекцәеи рыбжьараШарафулин М. М. Межнациональные конфликты: причины, типология, пути решения.. 1930—1940 шықәсқәа раан адепортациа ззыруз ажәларқәа ареабилитациа рызура ианалага аибарххарақәа еиҳа рымҽхак дырҭбаауеит. Ус Крым аурысцәеи аҭаҭарцәеи рыбжьара аконфликт аҽарӷәӷәоит. Аҩадатәи Уаԥстәыла Пригородныи араион аҿы —ауаԥсцәеи аингәышцәеи еиҿагылоит. Акризис аҽарҭбаацыԥхьаӡа адемократцәа рхада Борис Ельцын еиҳа-еиҳа дырдыруа, иаҳаҭыргьы шьҭыҵуа иалагоит. Џьоукы-џьоукы аҭоурхыҭҵааҩцәа иазгәарҭоит, Асовет Еидгыла анапхгара "аиҭашьақәыргылара" аамҭазы ишацхраауаз аилабгаразы имҩаԥысуаз апроцессқәа. 1991 шықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа Жәабранмза 7, 1990 шықәсазы, Акоммунисттә партиа ацентртә Комитет амчразы амонополиа ԥсыҽхеит ҳәа алаҳәара ҟанаҵоит. Мчыбжьқәак аҩныҵҟа имҩаԥысуеит раԥхьатәи аиндаҭларатә алхрақәа. Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа жәлар реизарақәа рҿы аҭыԥқәа реиҳарак алибералцәеи амилаҭеилыхыҩцәеи иргоит. Урҭ Асовет аиҳабыра адгылара рырҭон. Дара рхаҭақәа Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа рҿы ареволиуциақәа рымҩаԥгара аидеиа аладырҵәон. Ус иҟан Прибалтика. 1989—1991-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуеит убри еиԥш ахҭысқәа "асуверенитетқәа рпарад" ҳәа аҭоурых ианылаз. Уи иаанагоз Аидгыла иалаз атәылақәа зегьы рхатә хьыԥшымра ашьақәыргыларазы Асовет Еидгыла ралҵра акәын. Азакәан аганахь ала АЕ аҟынтәи алҵразы ирыдыркылаз ақәҵарақәа рыла, ареспубликақәа рхатә закәанқәа еиҳа аԥыжәара рыман. Дара рхатә економика рнапаҿы аагарагьы иалагоит, Асовет Еидгыла ашәахтәқәа ралаҵарагьы мап ацәыркуеит. Арҭ аконфликтқәа ирыхҟьаны аекономикатә еимадара ыӡуеит, асоциалтә ҭагылазаашьагьы еиҳа еицәахоит. Раԥхьаӡа ахьыԥшымразы ақәҵара аднакылоит 1990 шықәсазы Нахичевантәи ареспублика, анаҩс Литва, Қарҭ, Естониа, Латвиа, Молдавиа, Ермантәыла. Нанҳәамза 1991 шықәсанӡа егьырҭ иаанхаз Асовет Еидгыла иалахәыз ареспубликақәа зегьы аидгыла иалҵуеит«Радикальное сокращение стратегических вооружений — выбор сделан», observer.materik.ru. Хәажәкырамза 1991 шықәсазы имҩаԥысуеит ареферендум, уи азҵаара хада – Асовет Еидгыла еиқәырхатәу еиқәырхатәыму, ииагатәу уи афедерациа аформат ашҟа ҳәа. Уи иақәшаҳаҭхеит 77% ауааԥсыра. Ареферендум иалахәӡамызт Литва, Естониа, Латвиа, Қарҭ, Молдавиа, Ермантәыла. Арефенрендум ашьҭахь ргәы иҭан Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рхеидкыла аиҿкаара. 1991 шықәсазы Асовет Еидгыла анапхгара иалахәыз гәыԥҩык атәыла азеиԥшра аиқәырхара рҽазыркуеит, урҭ ахҭысқәа "нанҳәамзатәи апутч" ҳәа зегьы еицырдыруеит. Аконсервативтә ҟазшьа змаз аиҳабыраҿы иаԥшьаргоит аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа ҷыда алагалара, иҷыдоу акомитетгьы аԥырҵоитhttp://www.consultant.ru/law/podborki/raspad_sssr/. Дара усҟан Асовет Еидгыла президентс иамаз Горбачиов изинмчра Геннади Ианаев инапы ианырҵеит, Асовет Еидгыла аилабгара ааныркылар рҭаххеит. Нанҳәамза 19, 1991 шықәсазы Москвеи агьырҭ арегионқәеи арратә техника аларгалоит, аха уи иаҿагылоит апрезиденти атәыла Еиҳаӡоу Асовети. Нанҳәамза 19–21 амассатә митингқәа мҩаԥысуеит Москвеи Ленингради. Ельцин иқәгылараҿы ааԥхьара ҟаиҵоит апутч ҟазҵаз ирыдымгыларц азы. Москва апрезидент ирезиденциаҿы ааигәара зқьҩыла ауааԥсыра еизоит, урҭ ар абџьар рхы иадмырхәарц азы ирыҳәоит. Хымш рышьҭахь апутч еиҿызкааз рҽааныркылоит, абахҭагьы иҭаркуеит, убри алагьы Ельцин даиааиуеитhttp://www.bibliotekar.ru/boris-eltsin/3.htm. Ари аҵахара ашьҭахь Горбачиов имчқәа ицәыӡуа далагоит. Нанҳәамза анҵәамҭа нахыс, аполитикатәи аҳәынҭқарратәи еилазаарақәа реилабгара иалагоит, Горбачиов Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыԥ аанижьуеит, Асоветтә министрцәа реилазаарагьы аушьҭынhttps://www.e-reading.club/chapter.php/1025297/12/Ostrovskiy_-_Kto_postavil_Gorbacheva%3F.html. Асовет Еидгыла аилыбгара алҵшәақәа Асовет Еидгыла анеилабга ашьҭахь Ельцини иара идгылази аиҭакрақәа ирылагоит. Раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуан: аекономикаҿы – ахәқәа алиберализациа рызура, аполитикаҿы – администрациақәа рхадацәа ралагалара. АЕ аилабгара апроцесс ианалагоз аамҭазы, еиуеиԥшым ажәларқәа рыбжьара аконфликтқәа ирылагахьан. Асовет Еидгыла анеилабга, урҭ реиҿагыларақәа аибашьрахь ииасуеит. Ус иҟалоит Ҟарабах, Аԥсны, Аладатәи Уаԥстәыла, Таџьикисҭан, Чечниа, Приднестровие. Асовет Еидгылаҿы иҟаз амааҭ азона хырбган. 1989 шықәса рнахыс АЕ аилабгаразы акризис ианалага, еиуеиԥшым ареспубликақәа рҿы амилаҭтә ԥара алагаларазы аусқәа хацдыркуеитhttps://xn--h1aagokeh.xn--p1ai/journal/24/raspad-kotorogo-moglo-i-ne-byit-13.html. Иҳаракыз аԥаракаҳара иахҟьаны, 1993 шықәсазы асоветтә ԥара ацынхәрас урыстәылатәи амааҭ аларгалоит. Азгәаҭақәа Акатегориа:Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла
37735
https://ab.wikipedia.org/wiki/Сахаров,_Андреи_Дмитри-иԥа
Сахаров, Андреи Дмитри-иԥа
[[Афаил:RIAN_archive_25981_Academician_Sakharov.jpg|мини|Андреи Дмитри-иԥа Сахаров]] '''Андреи Дмитри-иԥа Сахаров''' ({{lang-ru|Андре́й Дми́триевич Са́харов}}; {{date|21|5|1921}}, [[Москва]] – {{date|14|12|1989}}, Москва) – еицырдыруа афизик, аҵарауаҩ, академик, аводородтә бомба аԥҵаҩы. А. Сахаров уаажәларратә усзуҩын, зинхьчаҩын, [[Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла|СССР]] жәлар рдепутатс дыҟан. Сахаров – 1975 шықәсазы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/domestic_history/text/3538396 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2023-01-03 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230103211846/https://bigenc.ru/domestic_history/text/3538396 |url-status=dead }}</ref> == Дмитри Сахаров ихәыҷреи иқәыԥшреи == Андреи Дмитри - иԥа Сахаров диит маи мза 21, 1921 шықәсазы Москва. Иара иаб, Дмитри Сахаров, афизика амаҭәар арҵаҩыс дыҟан, иара дравторуп акыр арҵага шәҟәқәеи анаукатә усумҭақәеи. Иан, Екатерина Сахарова, аҩныԥҳәысын, аха лышьҭра даара еицырдыруаз шьҭран. Андреи Дмитри - иԥа Сахаров аҩнытә ҵара ауп иоуз, ашкол ахь данца акәзар, иаразнак абыжьбатәи акласс ахь дрыдыркылеит. 1938 шықәсазы иара Москватәи аҳәынҭқарратә университет (МГУ) афизика афакультет дҭалоит. Аибашьра ианалага, Арратә академиахь дцараны дыҟан, аха игәамбзиара иԥырхагахеит, убри аҟынтә иара ибзиаӡаны ҳәа 1942 шықәсазы ауниверситет далгоит.<ref>https://diaryrh.ru/istoricheskij-portret/saharov-andrej-dmitrievich</ref> [[1942]] шықәсазы Андреи Сахаров аус иуан Улиановсктәи арратә зауад аҟны, 1944 - тәи ашықәс анҵәамҭазы дҭалоит П.И. Лебедев ихьӡ зху СССР Анаукақәа Ракадемиа афизикатә институт латәарадатәи аспирантура аҟәша (ФИАН), 1945 шықәса алагамҭазы латәаралатәи аҟәшахьы диасуеит. 1948 шықәсазы Андреи Дмитри - иԥа Сахаров анаукатә гәыԥ далаҵан, Игор Тамм напхгаҩыс дызмаз. Ари агәыԥ анапы злакыз атермоиадертә бџьар апроблемақәа роуп. Сахаров иакәын абомба аԥҵаҩыс иҟаз (иара иоуп аводородтә бомба аԥҵаҩысгьы иԥхьаӡоу), 1953, 1955, 1961-тәи ашықәсқәа рзы иԥыржәаз. Иара убри аамҭазы аҵарауаҩ аус адиулоит атермоиадертә синтез апроблема. 1950-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Андреи Сахаров еиликауеит атермоиадертә бџьар иаҵоу ашәарҭара зегьы, 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны активла ауаажәларратә усура далахәуп. Уи иахҟьеит 1986 шықәсазы аҵарадырра аҟынтәи инаскьагара, аҟәыҭхара.<ref>{{Cite web |url=https://ggn64.ru/biografii/biografiya-i-fakty-andrey-saharov.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-01-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240129190735/https://ggn64.ru/biografii/biografiya-i-fakty-andrey-saharov.html |url-status=dead }}</ref> == Аҭҵаарадырратә усура == Иаазыркьаҿу Андреи Дмитри-иԥа Сахаров ибиографиа аҟны ишазгәаҭоу ала, 1944 шықәсазы аспирантура дҭалоит, 1947 шықәсазы Сахаров акандидаттә диссертациа ихьчоит, МЕИ аҟынгьы аусура далагоит, 1948 шықәсазы – маӡалатәи агәыԥ аҟны, ари агәыԥ напы алакын атермоиадертә бџьар аус адулара. 1953 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчоит, иаразнакгьы акорреспондет – алахәылас аҟалара аҭахымкәан, дакадемикхоит (иара изын абжьгара ҟаиҵеит академик И. В. Курчатов). Уи аамҭазы иара 32 шықәса ракәын ихыҵуаз.<ref>http://yakov.works/libr_min/04_g/or/elik_05.htm</ref> == Сахаров – азинхьчаҩ == 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Сахаров иаарласны аиадертә бџьар азы имаз агәаанагара аҽаԥсахит. Уи дықәгыло далагеит уи аҭыжьра аанкыларазы. 1961 шықәсазы аҵарауаҩ Н. С. Хрушьов диеисуеит, аиадертә бџьар Адгьыл ҿыц (Новая земля) аҟны аԥышәара, «Аиадертә бџьар х-ҭагылазаашьак рҟны аԥышәара азин аҟамҵаразы аиқәышаҳаҭра» аус адулара ихы алаирхәит, Андреи Сахаров азинхьчаҩцәа рҵысра даԥхьагылеит, дагьықәгылоит И. В. Сталин ириашара даҿагылаҩны, уи азын Л. И. Брежнев иахь иаарту ашәҟәы инапы аҵаиҩит. Уи аамҭазы иара КГБ ишьклаԥшуа иалагахьан, акьыԥхь аҿы акәзар, иара изкыз анҵамҭақәа рыла иҭәын, иҩны, идача акырынтә азинхьчаратә усбарҭақәа еимырдахьан, уи зегьы зыхҟьоз [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] рзы ашпионаж идырҳәаларц иахьашьҭаз ауп.<ref>{{Cite web |url=https://ggn64.ru/biografii/biografiya-i-fakty-andrey-saharov.html#i-6 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-01-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240129190735/https://ggn64.ru/biografii/biografiya-i-fakty-andrey-saharov.html#i-6 |url-status=dead }}</ref> 60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи, 70-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Андреи Сархаров аҳәаанырцәтәи акьыԥхь аҟны дцәырҵуеит, иара активла «сталинтәи арежим» даҿагыланы дыҩуан, даара дақәыӡбон СССР Чехословакиа иахьақәлаз, аполитикатә репрессиақәа, акультура аусзуҩцәа ркыдцалареи ацензуреи дырҿагыланы дықәгылон. Абри аамҭазы иара иаартны адиссидентцәа рахь аинтерес ааирԥшуан, дрылахәын аӡбаратә процессқәа. Урҭ руак аҟны иара длабадыруеит Елена Боннер, аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз. 1975 шықәсазы Сахаров ианашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа.<ref>http://www.seaofhistory.ru/shists-122-1.html{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=June 2025 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> == Горкиҟа иахгара == 1980-тәи ашықәсазы Андреи Сахаров дахганы Горки ақалақь ахь дрышьҭуеит. Уа иара иусура иациҵон, ихьӡқәеи иҳамҭақәеи зегьы шихырхызгьы, ишимырхызгьы. Сахаров иҩымҭақәа аҳәаанырцә иркьыԥхьуан, урҭқәа иара иԥсадгьыл аҟны иақәыӡбон. Дахганы даныҟаз аамҭазы изныкымкәа акрыфара даҟәыҵуан, ачгара рылеиҳәахьан, иԥҳәыси иҭацеи рыдгылара ала. Аха убри аан Мраҭашәара Сахаров идгыланы акомпаниақәа мҩаԥнагон.<ref>https://putdor.ru/famous/gorkovskaya-ssylka-andreya-dmitrievicha-sakharova.html</ref> == Москваҟа игьежьра, аполитикатә усура алагара == 1986 шықәсазы Андреи Сахаров иԥҳәыси иареи Москваҟа игьежьуеит. Иара ириашара зыбзоурахаз М.С. Горбачиов иоуп, уи иахгара аҟынтәи иргьежьра Иу.Андроповгьы дшазхәыцуазгьы. Москва уи иус дазыгьежьит, азинхьчаратә усура хациркит, 1988 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа дцоит, дырҭаауеит Англиа, Франциа, Еиду Америкатәи Аштатқәа. Сахаров аҳәаанырцә иҟазаара аан М. Тетчер, Ф. Миттеран, Д. Буш, Р. Реиган реиԥш иҟаз аполитикатә ԥхьагылаҩцәа дырԥылеит. 1989 шықәсазы иара далхын жәлар реизара адепутатс, насгьы далахәын жәлар рдепутатцәа актәи реизара ду, аус адулара далагоит аконституциа ҿыц апроект. Аҵыхәтәантәи иқәгыларақәа раан Андреи Сахаров иаахтны иҳәон Афганистанынтәи асовет архәҭақәа ралгара ахәҭаны ишиԥхьаӡо, иагьшалгатәу.<ref>{{Cite web |url=http://www.sakharov-archive.ru/index.htm |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2020-02-16 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200216105447/http://www.sakharov-archive.ru/index.htm |url-status=dead }}</ref> == Асоветтә водородтә бомба аб == Андреи Дмитри-иԥа Сахаров – даара дуаҩ дуун, иара ганкахьала даара дуникалтәын, аха убри аан имариамыз аҭагылазаашьа дақәшәоит: ҵабыргны иара асоветтә водородтә бомба аб ҳәа изырҳәоит, аха убри аан иара иаҟарагьы аиадертә бџьар иаҿагыланы иқәгылоз дмаҷуп. Андреи Сахаров иԥсҭазаара зегьы аус иуан атермоиадертә синтез апроблемақәа рыӡбара иадҳәаланы, аха уи иара иԥырхагамхеит ауаажәларратәи аполитикатәи ус амҩаԥгаразы. Андреи Сахаров имҩа афизик-иадершьикк иаҳасаб ала иалагеит 1945 шықәсазы, иара ФИАН аспирантура данҭала инаркны. Аҵарауаҩ қәыԥш еицырдыруа афизик-атеоретик Игор Тамм инапхгарала аусура далагоит. Сахаров раԥхьатәи иусура алҵшәақәа аанашьҭит ҩышықәса ааҵхьаны – иара зызкыз иуадаҩыз аиадертә процессқәеи ацәырҵрақәеи ракәын, атомтә гәыцәқәа рҟны имҩаԥысуаз.<ref>https://vikent.ru/enc/4170/</ref> == Анаҩстәи Сахаров илагалақәа ртәахьы ҳаиасаанӡа маҷк аҭоурых атәы. == 1945 шықәсазы, америкаа имҩаԥыргоит аиадертә бомба раԥхьатәи аԥышәара, Асовет Еидгыла акәзар, ас еиԥш аԥышәара мҩаԥнагеит 1949 шықәсазы. Аха ари аамҭазы иаԥырҵахьан атермоиадертә синтез атеориа, уи иабзоураны иаԥҵазарц алшон жәантә, шәынтә еиҳа иӷәӷәаз абџьар, аиадертә аасҭа. Теориала атермоиадертә реакциа даара имарианы иаарԥшуп: ҩба, мамзаргьы цырақәак иласу аиадертә елементқәа (иаҳҳәозар, аводород, уи ихьанҭоу аизотопқәеи) иаку гәыцәны еидылоит, иагьаԥырҵоит ихьанҭоу амаҭәашьар (иаҳҳәозар гели) уи иоунашьҭуеит аенергиа ӷәӷәа. Атермоиадертә реакциа амаҵ ауеит, аиаҵәақәа ренергиа азы ихыҵхырҭоуп, иара убас амрагьы.<ref>https://diaryrh.ru/istoricheskij-portret/saharov-andrej-dmitrievich</ref> == Атермоиадертә синтез асхема == Ари атеориа аҟны ишьақәыргылам рацәоуп, агәыцәқәа реилалара алыршахоит иҳаракӡоу ашоурақәеи ақәыӷәӷәара дуқәеи раан. Убри аҟынтә атермоиадертә синтез Адгьыл аҟны аԥҵара уадаҩын, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа аҭахны иахьыҟаз азы. Абри аҳасабтә аӡбара акәын аҩажәатәи ашәышықәсазы афизикцәа-аиадершьикцәа, Сахаров дназлаз, зҵаара хаданы рҿаԥхьа иқәгылаз. 1948 шықәсазы даара аҵакы змаз ахҭыс ҟалоит Андреи Сахаров иԥсҭазаараҿы – иара (еиҳаракгьы хыхь зыӡбахә ҳәоу аусумҭа иабзоураны) – Тамм напхгара зиҭоз ҷыдалатәи агәыԥ даларҵоит, урҭ аводородтә бомба аус адырулон. Аханатә дара рнапы злакыз абомба аԥҵара акәмызт, игәарҭон атермоиадертә бџьар аԥҵара ахьынӡауа атеориа ала, урҭ аԥҵан аҵарауаҩ Иаков Зельдович инапхгарала.<ref>https://calcsbox.com/post/andrej-dmitrievic-saharov.html</ref> Иара убасгьы, Сахаров аус адиулеит атермоиадертә еиҵаҵа азы ихатәы шьақәгылашьа, уи хьӡыс иаиуит «слоика». Уи абомба аиҿартәышьа бзианы иаанарԥшуан – агьежь, атермоиадертә еиқәҵақәа рыла ишьақәгылоу (деитерии) насгьы, аиадертә (аԥсабаратә урани, еиҵаҵо урани) еиҵаҵақәеи рыла. Ари атеориа аус адулара «раԥхьатәи аидеиа» ҳәа ахьӡ ахьаиуз, анаҩсгьы иара мҩаԥызгоз Андреи Сахаров иоуп. Аха раԥхьатәи аводородтә бомба ҩ-идеиак рсинтез акәын шьаҭас иамаз: актәи зтәыз Сахаров иакәын, аҩбати – адгалара ҟаиҵеит 1948 шықәсазы Витали Гинзбург. Аиҵаҵага иаанарԥшуан «аслоика», аха уа адеитери ахаҭыԥан ҷыдалатәи аизакра ахархәара аман – деитерид литии захьӡыз. Ари амаҭәашьар атомтә еиҵаҵа атҟәацра аан ихьанҭаз аводородтә изотоп ахылҵуан (тритии) уи зегь реиҳа аеффективра злаз, иманшәалаз термоиадертә былтәын. Асоветтә ҵарауаа ахыццакуан ари абомба аԥҵара, аха америкатәи аҵарауаа урҭ ираԥыргеит, аҵыхәтәантәиқәа раԥхьатәи абомба аҿырԥшы аԥышәара мҩаԥыргеит ноиабр 1, 1952 шықәсазы. Андреи Сахарови иара игәыԥи ракәзар (раԥхьа иргыланы Сталин), ргәы зларҟажоз акәны иҟан америкатәи аҵарауаа иаԥырҵаз хымцабџьарны иахьыҟамыз, уи ԥышәагак аҳасаб ала иаԥҵаз акакәын. Аиашазы, адунеи зегьы аҟны раԥхьатәи аводородтә бомба х-еихагылак змаз аҩны еиԥшын.<ref>http://gubernia.media/number_469/03.php</ref> Асоветтә бомба раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥысит август 12, 1953 шықәсазы, аха аамҭак анаҩс, Андреи Сахаров академикс далхын, Сталин ипремиагьы алауреатс дҟалоит, иагьиоуеит Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа амедал. Анаҩстәи асоветтә водородтә бомба ԥжәан ноиабр мза, 1955 шықәсазы, аха 1961 шықәсазы аԥышәара иахыжьын зегь реиҳа иӷәӷәаз 50 - мегатонна иҟаз абомба. Арҭ аҩ-проектк рҟынгьы Андреи Сахаров иакәын ихадаз ароль аанызкылоз, иара иакәын атермоиадертә синтез аԥҵаразы атеориагьы апрактикагьы аамҭак азы аус адызулоз. Андреи Дмитри-иԥа Сахаров инапы злакыз атермоиадертә бџьар аԥҵара мацара акәмызт – уи изын даара аинтерес аҵан атермоиадертә реакциақәа зегьы. Абарҭқәа зегь раан иара дақәыӡбон аҵарауаа аводородтә бомбақәа раԥҵара рнапы ахьалакыз, насгьы даара дақәгәыӷуан атермоиадер аҭынчразы ахархәара аиуп ҳәа. Ари ахырхарҭалагьы Сахаров иҟаиҵаз маҷым. Иҳәатәуп Андреи Сахаров ихаҭа аводородтә бомба аԥҵаҩыс ихы шимыԥхьаӡоз. Иара ишьақәирӷәӷәон, асоветтә термоиадертә бџьар коллективла иаԥҵаз акы акәын ҳәа. Абра иазгәаҭатәуп Гинзбург, Тамм, Зельдович русумҭақәа, иара убасгьы аӡәырҩы егьырҭ афизикцәеи ыҟамызтгьы, СССР иаԥҵахомызт ари аҟара иӷәӷәаз абџьар хкы. Аха зегь акоуп, атермоиадертә синтез аԥҵара аус аҟны Андреи Сахаров илагала даараӡа идууп, иара акыр иидеиақәа шьаҭас ирымоуп акыр ареакторқәа, ауаа рзын ҵыхәаԥҵәара змам аенергиа иахыҵхырҭаны иҟаларц зылшо раԥҵарагьы. Андреи Сахаров иидеиақәа ируакуп – аплазма иӷәӷәоу мхылдызтә дәык аҭакра.<ref>{{Cite web |url=http://www.sakharov-archive.ru/index.htm |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2020-02-16 |archive-url=https://web.archive.org/web/20200216105447/http://www.sakharov-archive.ru/index.htm |url-status=dead }}</ref> == Иԥсра == Андреи Дмитри-иԥа Сахаров иԥсҭазаара далҵит, иаалырҟьаны игәы аанкылара иахҟьаны, декабр 14, 1989 шықәса рзы.<ref>https://echo.msk.ru/blog/baltshuler/2553659-echo/</ref> == Аинтерес зҵоу афактқәа == * Андреи Сахаров ихьӡқәа рыхҵоуп адунеи 33 тәыла рҟны еиуеиԥшым аобиектқәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа, Нидерланды, Франциа, [[Германиа]], Латвиа, Литва, Швециа, Швеицариа уҳәа егьырҭ атәылақәагьы рҟны. * Андреи Сахаров инысмҩа иаку хәшьарак аҭара уадаҩуп, аха иара ихаҭагьы ибзианы еиликаауан ауаажәларра иқәыӡбалар шакәу, ирҽхәара акәымкәа.<ref>https://www.abcfact.ru/4826.html</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Лаҵарамза 21 рзы ииз]] [[Акатегориа:1921 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 14 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1989 шықәсазы иԥсыз]]
Андреи Дмитри-иԥа Сахаров (; , Москва – , Москва) – еицырдыруа афизик, аҵарауаҩ, академик, аводородтә бомба аԥҵаҩы. А. Сахаров уаажәларратә усзуҩын, зинхьчаҩын, СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Сахаров – 1975 шықәсазы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ианашьан. Дмитри Сахаров ихәыҷреи иқәыԥшреи Андреи Дмитри - иԥа Сахаров диит маи мза 21, 1921 шықәсазы Москва. Иара иаб, Дмитри Сахаров, афизика амаҭәар арҵаҩыс дыҟан, иара дравторуп акыр арҵага шәҟәқәеи анаукатә усумҭақәеи. Иан, Екатерина Сахарова, аҩныԥҳәысын, аха лышьҭра даара еицырдыруаз шьҭран. Андреи Дмитри - иԥа Сахаров аҩнытә ҵара ауп иоуз, ашкол ахь данца акәзар, иаразнак абыжьбатәи акласс ахь дрыдыркылеит. 1938 шықәсазы иара Москватәи аҳәынҭқарратә университет (МГУ) афизика афакультет дҭалоит. Аибашьра ианалага, Арратә академиахь дцараны дыҟан, аха игәамбзиара иԥырхагахеит, убри аҟынтә иара ибзиаӡаны ҳәа 1942 шықәсазы ауниверситет далгоит.https://diaryrh.ru/istoricheskij-portret/saharov-andrej-dmitrievich 1942 шықәсазы Андреи Сахаров аус иуан Улиановсктәи арратә зауад аҟны, 1944 - тәи ашықәс анҵәамҭазы дҭалоит П.И. Лебедев ихьӡ зху СССР Анаукақәа Ракадемиа афизикатә институт латәарадатәи аспирантура аҟәша (ФИАН), 1945 шықәса алагамҭазы латәаралатәи аҟәшахьы диасуеит. 1948 шықәсазы Андреи Дмитри - иԥа Сахаров анаукатә гәыԥ далаҵан, Игор Тамм напхгаҩыс дызмаз. Ари агәыԥ анапы злакыз атермоиадертә бџьар апроблемақәа роуп. Сахаров иакәын абомба аԥҵаҩыс иҟаз (иара иоуп аводородтә бомба аԥҵаҩысгьы иԥхьаӡоу), 1953, 1955, 1961-тәи ашықәсқәа рзы иԥыржәаз. Иара убри аамҭазы аҵарауаҩ аус адиулоит атермоиадертә синтез апроблема. 1950-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Андреи Сахаров еиликауеит атермоиадертә бџьар иаҵоу ашәарҭара зегьы, 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны активла ауаажәларратә усура далахәуп. Уи иахҟьеит 1986 шықәсазы аҵарадырра аҟынтәи инаскьагара, аҟәыҭхара. Аҭҵаарадырратә усура Иаазыркьаҿу Андреи Дмитри-иԥа Сахаров ибиографиа аҟны ишазгәаҭоу ала, 1944 шықәсазы аспирантура дҭалоит, 1947 шықәсазы Сахаров акандидаттә диссертациа ихьчоит, МЕИ аҟынгьы аусура далагоит, 1948 шықәсазы – маӡалатәи агәыԥ аҟны, ари агәыԥ напы алакын атермоиадертә бџьар аус адулара. 1953 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчоит, иаразнакгьы акорреспондет – алахәылас аҟалара аҭахымкәан, дакадемикхоит (иара изын абжьгара ҟаиҵеит академик И. В. Курчатов). Уи аамҭазы иара 32 шықәса ракәын ихыҵуаз.http://yakov.works/libr_min/04_g/or/elik_05.htm Сахаров – азинхьчаҩ 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Сахаров иаарласны аиадертә бџьар азы имаз агәаанагара аҽаԥсахит. Уи дықәгыло далагеит уи аҭыжьра аанкыларазы. 1961 шықәсазы аҵарауаҩ Н. С. Хрушьов диеисуеит, аиадертә бџьар Адгьыл ҿыц (Новая земля) аҟны аԥышәара, «Аиадертә бџьар х-ҭагылазаашьак рҟны аԥышәара азин аҟамҵаразы аиқәышаҳаҭра» аус адулара ихы алаирхәит, Андреи Сахаров азинхьчаҩцәа рҵысра даԥхьагылеит, дагьықәгылоит И. В. Сталин ириашара даҿагылаҩны, уи азын Л. И. Брежнев иахь иаарту ашәҟәы инапы аҵаиҩит. Уи аамҭазы иара КГБ ишьклаԥшуа иалагахьан, акьыԥхь аҿы акәзар, иара изкыз анҵамҭақәа рыла иҭәын, иҩны, идача акырынтә азинхьчаратә усбарҭақәа еимырдахьан, уи зегьы зыхҟьоз Еиду Америкатәи Аштатқәа рзы ашпионаж идырҳәаларц иахьашьҭаз ауп. 60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи, 70-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Андреи Сархаров аҳәаанырцәтәи акьыԥхь аҟны дцәырҵуеит, иара активла «сталинтәи арежим» даҿагыланы дыҩуан, даара дақәыӡбон СССР Чехословакиа иахьақәлаз, аполитикатә репрессиақәа, акультура аусзуҩцәа ркыдцалареи ацензуреи дырҿагыланы дықәгылон. Абри аамҭазы иара иаартны адиссидентцәа рахь аинтерес ааирԥшуан, дрылахәын аӡбаратә процессқәа. Урҭ руак аҟны иара длабадыруеит Елена Боннер, аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз. 1975 шықәсазы Сахаров ианашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа.http://www.seaofhistory.ru/shists-122-1.html Горкиҟа иахгара 1980-тәи ашықәсазы Андреи Сахаров дахганы Горки ақалақь ахь дрышьҭуеит. Уа иара иусура иациҵон, ихьӡқәеи иҳамҭақәеи зегьы шихырхызгьы, ишимырхызгьы. Сахаров иҩымҭақәа аҳәаанырцә иркьыԥхьуан, урҭқәа иара иԥсадгьыл аҟны иақәыӡбон. Дахганы даныҟаз аамҭазы изныкымкәа акрыфара даҟәыҵуан, ачгара рылеиҳәахьан, иԥҳәыси иҭацеи рыдгылара ала. Аха убри аан Мраҭашәара Сахаров идгыланы акомпаниақәа мҩаԥнагон.https://putdor.ru/famous/gorkovskaya-ssylka-andreya-dmitrievicha-sakharova.html Москваҟа игьежьра, аполитикатә усура алагара 1986 шықәсазы Андреи Сахаров иԥҳәыси иареи Москваҟа игьежьуеит. Иара ириашара зыбзоурахаз М.С. Горбачиов иоуп, уи иахгара аҟынтәи иргьежьра Иу.Андроповгьы дшазхәыцуазгьы. Москва уи иус дазыгьежьит, азинхьчаратә усура хациркит, 1988 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа дцоит, дырҭаауеит Англиа, Франциа, Еиду Америкатәи Аштатқәа. Сахаров аҳәаанырцә иҟазаара аан М. Тетчер, Ф. Миттеран, Д. Буш, Р. Реиган реиԥш иҟаз аполитикатә ԥхьагылаҩцәа дырԥылеит. 1989 шықәсазы иара далхын жәлар реизара адепутатс, насгьы далахәын жәлар рдепутатцәа актәи реизара ду, аус адулара далагоит аконституциа ҿыц апроект. Аҵыхәтәантәи иқәгыларақәа раан Андреи Сахаров иаахтны иҳәон Афганистанынтәи асовет архәҭақәа ралгара ахәҭаны ишиԥхьаӡо, иагьшалгатәу. Асоветтә водородтә бомба аб Андреи Дмитри-иԥа Сахаров – даара дуаҩ дуун, иара ганкахьала даара дуникалтәын, аха убри аан имариамыз аҭагылазаашьа дақәшәоит: ҵабыргны иара асоветтә водородтә бомба аб ҳәа изырҳәоит, аха убри аан иара иаҟарагьы аиадертә бџьар иаҿагыланы иқәгылоз дмаҷуп. Андреи Сахаров иԥсҭазаара зегьы аус иуан атермоиадертә синтез апроблемақәа рыӡбара иадҳәаланы, аха уи иара иԥырхагамхеит ауаажәларратәи аполитикатәи ус амҩаԥгаразы. Андреи Сахаров имҩа афизик-иадершьикк иаҳасаб ала иалагеит 1945 шықәсазы, иара ФИАН аспирантура данҭала инаркны. Аҵарауаҩ қәыԥш еицырдыруа афизик-атеоретик Игор Тамм инапхгарала аусура далагоит. Сахаров раԥхьатәи иусура алҵшәақәа аанашьҭит ҩышықәса ааҵхьаны – иара зызкыз иуадаҩыз аиадертә процессқәеи ацәырҵрақәеи ракәын, атомтә гәыцәқәа рҟны имҩаԥысуаз.https://vikent.ru/enc/4170/ Анаҩстәи Сахаров илагалақәа ртәахьы ҳаиасаанӡа маҷк аҭоурых атәы. 1945 шықәсазы, америкаа имҩаԥыргоит аиадертә бомба раԥхьатәи аԥышәара, Асовет Еидгыла акәзар, ас еиԥш аԥышәара мҩаԥнагеит 1949 шықәсазы. Аха ари аамҭазы иаԥырҵахьан атермоиадертә синтез атеориа, уи иабзоураны иаԥҵазарц алшон жәантә, шәынтә еиҳа иӷәӷәаз абџьар, аиадертә аасҭа. Теориала атермоиадертә реакциа даара имарианы иаарԥшуп: ҩба, мамзаргьы цырақәак иласу аиадертә елементқәа (иаҳҳәозар, аводород, уи ихьанҭоу аизотопқәеи) иаку гәыцәны еидылоит, иагьаԥырҵоит ихьанҭоу амаҭәашьар (иаҳҳәозар гели) уи иоунашьҭуеит аенергиа ӷәӷәа. Атермоиадертә реакциа амаҵ ауеит, аиаҵәақәа ренергиа азы ихыҵхырҭоуп, иара убас амрагьы.https://diaryrh.ru/istoricheskij-portret/saharov-andrej-dmitrievich Атермоиадертә синтез асхема Ари атеориа аҟны ишьақәыргылам рацәоуп, агәыцәқәа реилалара алыршахоит иҳаракӡоу ашоурақәеи ақәыӷәӷәара дуқәеи раан. Убри аҟынтә атермоиадертә синтез Адгьыл аҟны аԥҵара уадаҩын, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа аҭахны иахьыҟаз азы. Абри аҳасабтә аӡбара акәын аҩажәатәи ашәышықәсазы афизикцәа-аиадершьикцәа, Сахаров дназлаз, зҵаара хаданы рҿаԥхьа иқәгылаз. 1948 шықәсазы даара аҵакы змаз ахҭыс ҟалоит Андреи Сахаров иԥсҭазаараҿы – иара (еиҳаракгьы хыхь зыӡбахә ҳәоу аусумҭа иабзоураны) – Тамм напхгара зиҭоз ҷыдалатәи агәыԥ даларҵоит, урҭ аводородтә бомба аус адырулон. Аханатә дара рнапы злакыз абомба аԥҵара акәмызт, игәарҭон атермоиадертә бџьар аԥҵара ахьынӡауа атеориа ала, урҭ аԥҵан аҵарауаҩ Иаков Зельдович инапхгарала.https://calcsbox.com/post/andrej-dmitrievic-saharov.html Иара убасгьы, Сахаров аус адиулеит атермоиадертә еиҵаҵа азы ихатәы шьақәгылашьа, уи хьӡыс иаиуит «слоика». Уи абомба аиҿартәышьа бзианы иаанарԥшуан – агьежь, атермоиадертә еиқәҵақәа рыла ишьақәгылоу (деитерии) насгьы, аиадертә (аԥсабаратә урани, еиҵаҵо урани) еиҵаҵақәеи рыла. Ари атеориа аус адулара «раԥхьатәи аидеиа» ҳәа ахьӡ ахьаиуз, анаҩсгьы иара мҩаԥызгоз Андреи Сахаров иоуп. Аха раԥхьатәи аводородтә бомба ҩ-идеиак рсинтез акәын шьаҭас иамаз: актәи зтәыз Сахаров иакәын, аҩбати – адгалара ҟаиҵеит 1948 шықәсазы Витали Гинзбург. Аиҵаҵага иаанарԥшуан «аслоика», аха уа адеитери ахаҭыԥан ҷыдалатәи аизакра ахархәара аман – деитерид литии захьӡыз. Ари амаҭәашьар атомтә еиҵаҵа атҟәацра аан ихьанҭаз аводородтә изотоп ахылҵуан (тритии) уи зегь реиҳа аеффективра злаз, иманшәалаз термоиадертә былтәын. Асоветтә ҵарауаа ахыццакуан ари абомба аԥҵара, аха америкатәи аҵарауаа урҭ ираԥыргеит, аҵыхәтәантәиқәа раԥхьатәи абомба аҿырԥшы аԥышәара мҩаԥыргеит ноиабр 1, 1952 шықәсазы. Андреи Сахарови иара игәыԥи ракәзар (раԥхьа иргыланы Сталин), ргәы зларҟажоз акәны иҟан америкатәи аҵарауаа иаԥырҵаз хымцабџьарны иахьыҟамыз, уи ԥышәагак аҳасаб ала иаԥҵаз акакәын. Аиашазы, адунеи зегьы аҟны раԥхьатәи аводородтә бомба х-еихагылак змаз аҩны еиԥшын.http://gubernia.media/number_469/03.php Асоветтә бомба раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥысит август 12, 1953 шықәсазы, аха аамҭак анаҩс, Андреи Сахаров академикс далхын, Сталин ипремиагьы алауреатс дҟалоит, иагьиоуеит Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа амедал. Анаҩстәи асоветтә водородтә бомба ԥжәан ноиабр мза, 1955 шықәсазы, аха 1961 шықәсазы аԥышәара иахыжьын зегь реиҳа иӷәӷәаз 50 - мегатонна иҟаз абомба. Арҭ аҩ-проектк рҟынгьы Андреи Сахаров иакәын ихадаз ароль аанызкылоз, иара иакәын атермоиадертә синтез аԥҵаразы атеориагьы апрактикагьы аамҭак азы аус адызулоз. Андреи Дмитри-иԥа Сахаров инапы злакыз атермоиадертә бџьар аԥҵара мацара акәмызт – уи изын даара аинтерес аҵан атермоиадертә реакциақәа зегьы. Абарҭқәа зегь раан иара дақәыӡбон аҵарауаа аводородтә бомбақәа раԥҵара рнапы ахьалакыз, насгьы даара дақәгәыӷуан атермоиадер аҭынчразы ахархәара аиуп ҳәа. Ари ахырхарҭалагьы Сахаров иҟаиҵаз маҷым. Иҳәатәуп Андреи Сахаров ихаҭа аводородтә бомба аԥҵаҩыс ихы шимыԥхьаӡоз. Иара ишьақәирӷәӷәон, асоветтә термоиадертә бџьар коллективла иаԥҵаз акы акәын ҳәа. Абра иазгәаҭатәуп Гинзбург, Тамм, Зельдович русумҭақәа, иара убасгьы аӡәырҩы егьырҭ афизикцәеи ыҟамызтгьы, СССР иаԥҵахомызт ари аҟара иӷәӷәаз абџьар хкы. Аха зегь акоуп, атермоиадертә синтез аԥҵара аус аҟны Андреи Сахаров илагала даараӡа идууп, иара акыр иидеиақәа шьаҭас ирымоуп акыр ареакторқәа, ауаа рзын ҵыхәаԥҵәара змам аенергиа иахыҵхырҭаны иҟаларц зылшо раԥҵарагьы. Андреи Сахаров иидеиақәа ируакуп – аплазма иӷәӷәоу мхылдызтә дәык аҭакра. Иԥсра Андреи Дмитри-иԥа Сахаров иԥсҭазаара далҵит, иаалырҟьаны игәы аанкылара иахҟьаны, декабр 14, 1989 шықәса рзы.https://echo.msk.ru/blog/baltshuler/2553659-echo/ Аинтерес зҵоу афактқәа Андреи Сахаров ихьӡқәа рыхҵоуп адунеи 33 тәыла рҟны еиуеиԥшым аобиектқәа: Еиду Америкатәи Аштатқәа, Нидерланды, Франциа, Германиа, Латвиа, Литва, Швециа, Швеицариа уҳәа егьырҭ атәылақәагьы рҟны. Андреи Сахаров инысмҩа иаку хәшьарак аҭара уадаҩуп, аха иара ихаҭагьы ибзианы еиликаауан ауаажәларра иқәыӡбалар шакәу, ирҽхәара акәымкәа.https://www.abcfact.ru/4826.html Азгәаҭақәа Акатегориа:Лаҵарамза 21 рзы ииз Акатегориа:1921 шықәсазы ииз Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 14 рзы иԥсыз Акатегориа:1989 шықәсазы иԥсыз
37736
https://ab.wikipedia.org/wiki/Меркель,_Ангела
Меркель, Ангела
{{Акарточка аполитик}} '''Ангела Доротеиа Меркель''' ({{lang-de|Angela Dorothea Merkel}}; {{date|7|7|1954}}, [[Гамбург]]) — анемец ҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы. Абҵарамза 22, 2005 шықәса раахыс Германиа Афедералтә канцлер, мшаԥымза 10, 2000 шықәса раахыс Ақьырсиан — демократиатә еилакы апартиа аԥхьагыла.<ref>https://whoiswho.dp.ru/cart/person/1919625</ref> == Ангела Меркель лхәыҷреи аҵарадырреи == Ангела Доротеиа Меркель (хаҵа дцаанӡа Каснера илыжәлан) диит ԥхынгәымза 17, 1954 шықәсазы Гамбург. Ангелиа аполиак хылҵшьҭра лымоуп. Лаб-Хорст Каснер аполиак жәла имаз Казмерчак иԥсахит. Иара аҵара иҵон Геиделбергтәии Гамбургтәии ауниверситетқәа рҟны, атеологиа амаҭәар ала. Ангела Меркель лабду, Лиудвик Казмерчак, Познантәи аполициаҟны амаҵзура дахысуан, Актәи адунеизегьтәи аибашьра далахәын, иара убасгьы Польшеи - Украинеи, насгьы асоветтә - польшатәи еибашьрақәа дрылахәын.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-angela-merkel.html</ref> Лан – Герлинда Каснер — алатын бызшәеи англыз бызшәеи рырҵаҩыс аус луан. Ангела – аҭаацәараҿы зегьы иреиҳабыз хәыҷын. Ангела лира аамышьҭахь иаарласны лҭаацәа ГДР-ҟа нхара ицеит. Хорст Каснер иаарласны ақалақь Перлеберге иҟаз алиутерантә уахәама Берлин- Брандербург амаҵзуҩыс дҟалоит, аха 1957 шықәсазы аҭаацәа ақалақь маҷ Темплинҟа нхара ицоит. Ара Ангела лаб апасторцәа рзы аколлеџь анапхгараҭара идырҵеит. Лан атәым бызшәақәа рырҵаҩыс аус луан. Ангела лнаҩс лани лаби даҽа ҩыџьа ахшара рыман: аиашьа Маркуси аиаҳәшьа Иренеи. Каснераа рхәыҷқәа ашкол ахь иныҟәомызт, ран Герлинд ахәыҷқәа рааӡареи аҵара дырҵареи даҿын. Абжьаратәи аполитехникатә школ Ангела Каснер дҭалоит 1961 шықәсазы, Ангела Доротеиа иҭынчыз, ахӡыргара ззымдыруаз ӡӷабын. Аҵара бзианы илҵон. Даара абызшәақәа лыцааиуан, иара убасгьы аҵарадырра дазҿлымҳан. Усҟантәи аамҭазтәи ГДР ахәыҷқәа зегьы реиԥш Ангела дпионерын, анаҩс лара зых иақәиҭу анемец ҿар рхеилак далалоит (ССНМ). Ангела Доротеиа ашкол далгеит 1973 шықәсазы, ибзиаӡаны, дагьҭалоит Карл Маркс ихьӡ зхыз Леипцигтәи ауниверситет, афизика факультет.<ref>https://biographe.ru/politiki/angela-merkel/</ref> Меркель ауниверситет аҟынгьы ибзиаӡаны аҵара лҵон. Лара лҵареи ССНМ аҟны лусуреи еидылбалон. Аха уажәшьҭа уи уаҩ игәаимҭоз, иҭынчыз, ахӡыргара зламыз зӷабмызт. Лҵара шықәсқәа раан, 1974 шықәса рзы Москватәии Ленинградтәии ауниверситет афизика факультет астудентцәеи лареи реиқәшәара аан, диабадыруеит раԥхьатәи лхаҵа, астудент-афизик Фогтландтәи, Ульрих Меркель. Дара ргәыргьынхаҵара мҩаԥысит Темплинтәи ауахәама аҟны, цәыббрамза 3, 1977 шықәсазы. Ауниверситет аҟны лҵара ашықәсқәа раан, Ангела аполитикатә усура лхы алагалара дазхәыцуа далагеит. Афизикатә химиа Аинститут аҟны лусура аан, лара аамҭаказы зых иақәиҭу анемец ҿар Рхеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Ангела Меркель ҭакԥхықәрас илыдын агитациеи апропагандеи рымҩаԥгара. Қәҿиарала Леипцигтәи ауниверситет даналга, Ангела Меркель усура ҳәа АН ГДР афизикатә химиа ацентртә институт ахь ддәықәҵан. 1986 шықәса рзы адоктортә диссертациа лыхьчеит.<ref>https://24smi.org/celebrity/261-angela-merkel.html</ref> == Ангела Меркель лполитикатә кариера == Ангела Меркель политикк иаҳасаб ала лымҩа хацлыркит 80-тәи ашықәсқәа рзы, иаҳхысыз ашәышықәсазы. Ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы Ангела Меркель лассы-ласс дцәырҵуа далагеит. Анаҩс, Берлинтәи аҭӡы «каҳаит». Ари ахҭыс даара лгәаҵанӡа инеит аҵарауаҩ - афизик. Анемеццәа рзын иҭоурыхтә хҭысыз аҽны Ангела Доротеиа дгәеиҭоит усҟан ФРГ аканцлерс иҟаз Гельмут Коль. Ангела Меркель лакәзар, илыдырҵаз аҭакԥхықәра қәҿиарала иналыгӡон. Ауаа агитациа рзылуан, Балтикатәи аԥсыӡкҩцәа дырԥылон, ауарашжәырҭақәа рҟны ацәажәарақәа мҩаԥылгон. Меркель акыр ақәыргәыӷрақәа рылҭон, ауаагьы лыгәра ргон, рыбжьқәа лырҭон. Лара лалхыҩцәа лассы-ласс ирҳәон: «Егьырҭ ирҿырԥшны улыхәаԥшуазар, лара ма дузыӡырҩуеит» — ҳәа, убри аҟынтә ирылҭоз ақәыргәыӷрақәа аныналмыгӡозгьы илызгәаауамызт.<ref>https://lenta.ru/articles/2019/07/17/frau_merkel/</ref> Ангела Меркель апартиа «Ақьырсин-демократиатә хеилак» ахь диасуеит, анаҩс Германиа анеидырҵа, Ангела Доротеиа Меркель ХДС аҟынтә Бундестаг адепутатс дҟалоит. Гельмут Коль иаразнак Ангела даликаауеит, дҵангьы илыдиҵоит аҳәса зегьы драԥхьагыланы ԥхьаҟа ацара. Аканцлер Коль, Ангела Меркель аиҳабыра рахь днеиԥхьоит, аҳәсеи аҿари русқәа рзы аминистрс дҟаиҵоит. Меркель аполитик бырг даара далкааны бзиа дибон, «сыӡӷаб» ҳәа леиҳәон. Иаарласнгьы лара ХДС амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ аанылкылоит. Ажурналистцәа ракәзар, Ангела Меркель «Коль иӡӷаб» ҳәа хьыӡшьарас илырҭоит. Аха, 1998 шықәсазы Коль алхрақәа раан Герхард Шриодер иҟны даҵахоит. Коль ԥхьатәара данца ашьҭахьҵәҟьа иҩызцәеи идгылаҩцәеи еимпуа иалагеит, еиҳаракгьы ХДС апартиа аҭахрақәа рзын аолигархцәа рҟынтә аԥара аиуан ҳәа ахара анидырҵа ашьҭахь. Изгәакьаз Меркель лакәзар, уигьы мап ицәылкуа далагеит, Гельмут Коль апартиатә ҭыԥ аҟынтәи иахҳәаразы аҵысрагьы днахагылеит. Иара убри ашықәсан Ангела Меркель апартиа амаӡаныҟәгаҩ хадас далхын.<ref>https://germanexpert.ru/angela-merkel/</ref> == Ангела Меркель аԥҳәыс-аканцлер == Ангела Меркель хьаҵра ҟамҵакәан амчрахь лымҩа хан. 2002 шықәсазы Меркель лкандидатура ықәлыргылоит ФРГ аканцлерс аҟаларазы, аха анаҩс, Ақьырсиантә социалисттә хеилак аҟнытә Едмунд Штоибер икандидатура анықәиргыла, лара рхықәкы мап ацәылкуеит. Аха, егьа ус акәзаргьы, 2005 шықәсазы лара аоппозициа аҟнытә ФРГ аканцлерс лкандидатура ықәдыргылоит.<ref>https://svpressa.ru/persons/angela-merkel/</ref> Иара убри ашықәсан, цәыббрамза 20 рзы, ХДС-ХСС афракциа ҿыц раԥхьатәи аилатәараҟны, Ангела Доротеиа Меркель уи ахантәаҩыс далырхуеит. Абҵарамза 22, 2005 шықәсазы Меркель рыбжьқәа лырҭеит 611-ҩык адепутатцәа рахьтә 397-ҩык XVI ааԥхьара бундестаг адепутатцәа, убри алагьы лара лакәхеит зегь реиҳа иҿаз (51 шықьса лхыҵуан), насгьы раԥхьатәи аԥҳәыс - афедералтә канцлерс иҟалаз ФРГ аҭоурых зегьы аҟны. Ари амаҵзура аҟны Ангела Меркель иахьа уажәраанӡа дыҟан. Арҭ ашықәсқәа зегьы лара даара аҽынкылара змаз, зус здыруаз напхгаҩны дыҟан. Ангела Меркель аҳәынҭқарра аҟны азин еснагь еиқәырханы илыман уҳәар алшоит. Германиа Европатәи Ахеилак аилазаара аҟны - економикатә ԥхьагылан атәыла анеидырҵа аамышьҭахь, атәыла аполитикатә аспект аҟынгьы аԥхьагылара аанарԥшуа иалагеит. Аканцлер Меркель лполитика ала Германиа аҳаҭыр Европа ишьҭыҵит. Лара лтәыла изныкымкәан егьырҭ, уи аҟара аҿиара змамыз, европатәи аҳәынҭқаррақәа ирыцхраахьан, иара убасгьы афинанстә цхыраарагьы рзыҟанаҵон.<ref>https://germania-online.diplo.de/ru-dz-ru/politik/angela-merkel-10-jahre-amt/1926252</ref> Ус шакәызгьы, атеррористтә акциақәа рацәахо ианалага, аканцлер Меркель имҩаԥылгоз амиграциатә политика гәыҩбара лнаҭо далагеит. 2010 шықәса рзы Потсдам ХДС алахәылацәа ҿарацәа рҿаԥхьа дықәгыло, Ангела Меркель иаартны илҳәеит, амультикультурализм аполитика Германиа ишхыбгалаз. Лара лгәаанагара ала, европаа мацара ракәӡам, Европаҟа иааз, амигрантцәагьы ирылшо зегьы ҟарҵалар ауп агермантә еилазаара иахәҭакны иҟаларазы, уи азын акы ҳәа анемец бызшәа рҵар ауп. Киольн амигрантцәа раморалтә хымҩаԥгашьа ашьҭахь, Ангела Меркель ааԥхьара ҟалҵеит зегьы агәҭынчра аадырԥшларц. «Ҳара уи ҳаиааиуеит», — лҳәеит аканцлер. Ари аҳәамҭа аӡәырҩы рзын иџьашьатәхеит, акыр ацәажәарақәа ахылҿиааит. Аха, Ангела Меркель илҳәаз ҵакыс иамаз ахҵәацәа ринтеграциа, рнырхара, рыдкылара апроблема аӡбара акәын. Уи анаҩсгьы, Ангела Меркель лгәаанагара ала, ахҵәацәа атәыла аҿиара аус аҟны алагала ду ҟарҵар алшон. Аха, ахҵәацәа ринтеграциа азҵаарақәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акыр ауадаҩрақәа цәырыргон, урҭ закәыз ҳәа аканцлер еилкаара лымамызт.<ref>https://novayagazeta.ru/articles/2020/11/21/88054-ot-devochki-kolya-do-mamochki-natsii</ref> == Ангела Меркель лыдәныҟатәи аполитика == Ангела Меркель еснагь атәылақәа апартниорцәа зегьы еиԥшны дырзыҟан. Аха, Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитика еснагь еиҳа иадылцәылон. Канцлерс аҟаларазы алхрақәа дрылахәхаанӡа Ангела Доротеиа Еиду Америкатәи Аштатқәа Ирак иазырхаз реибашьра дадгылоит, иара убасгьы ЕАШ Косово аганахьала аусқәа дырзыразхоит. Аканцлер Меркель мрагыларатәи Украина аҭагылазаашьа «аҭышәныртәалареи», Минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡареи агәыԥ далахәылоуп.<ref>https://profylady.ru/articles/biografii/kanczler-germanii-angela-merkel-biografiya-lichnaya-zhizn-deti-pochemu-s-nee-stoit-brat-primer.html</ref> Ҭырқәтәыла аганахьала, 2005 шықәсатәи алхрақәа рҟынӡа, Меркель лгәаанагара лҳәон ари атәыла Европатәи Ахеилак иалахәыла наӡаны ишзыҟамло азы. Ангела Меркель Европатәи ахеилак ахантәаҩыс лыҟазаара аан Ҭырқәтәыла аԥыза - министр Реџьеп Таиип Ердоган даара акритика изылуит, уи Германиа иҟазаара аан уа инхоз аҭырқәцәа рассимилиациа алҵшәақәа иахькылыргар алшо атәы ахьиҳәаз азы. Ааигәа Мрагыларатәи аполитика акәзар, аканцлер Меркель рацәак лҽалалгалом. Урыстәылахь, иара Владимир Путин иахь лзыҟазаашьа атәы ҳҳәозар, Ангела Меркель «аритмикатә» ҟазшьа амоуп уҳәар алшоит. Америкатәи акурс адгылаҩ Меркель лассы-ласс лара лаԥхьа канцлерс иҟаз Герхард Шриодери Путини реиҩызара акритика азылуан. Аха, лара лхаҭа данканцлерха Шриодер иполитика амҩа данылеит.<ref>http://www.bgunb.ru/VirtualExibition/year_germany/politics1.html</ref> Украинатәи акризис аан Меркель Урыстәыла «Ҟрым аннексиа» азнауит ҳәа ахара адылҵеит. Аха уаанӡа Германиа адәныҟа-политикатә ҳаракыра аҟны активла закәанла иалхыз апрезидент Ианукович амчра аҟынтә дахызҳәаз киевтәи апутчистцәа адгылара рынаҭон. Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитика акыр адгылара азҭоз Ангела Меркель лзын даара иџьашьатәхеит, америкатәи ҷыдалатәи амаҵзурақәа лҭел ала лцәажәарақәа ишырзыӡырҩуаз анлаҳа. Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыцс иҟаз Дональд Трамп иакәзар, Германиа ашҟа аиҩызааратә еизыҟазаашьа дахыццакуамызт. Аха, уи аԥара бзианы иԥхьаӡон. Ангела Меркели иареи реиқәшәара аан, иара 375 миллиард доллар аԥара лиҭоит. Трамп ишиҳәаз ала, арҭ аԥарақәа НАТО Германиа ахьчаразы иазоужьу ԥарақәоуп.<ref>https://inosmi.ru/politic/20180516/242240510.html</ref> == Ангела Меркели 2017 шықәсазтәи Германиатәи алхрақәеи == Ангела Меркель лгәаанагара ала, макьанагьы илылшашагьы маҷым, убри аҟынтә Германиа аканцлерс аҟаларазгьы аԥшьынтә раан лкандидатура ықәлыргылеит. Абҵарамза 24, 2017 шықәсазы, Германиа имҩаԥысит апарламенттә алхрақәа, уа Ангела Меркель лконсервативтә алианс ХДС-ХСС аиааира агеит, аха иаиуз 33% заҵәык абжьқәа роуп. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла иаԥҵан Бундестаг (апарламент), уи далнахит аканцлер. Усҟантәи аамҭазы ари аҭыԥ аанылкылеит Ангела Меркель.<ref>https://www.bbc.com/russian/features-41384750</ref> Хәажәкыра 14, 2018 шықәсазы Ангела Меркель Бундестаг адепутатцәа реиҳараҩык рыбжьқәа рыла аканцлер иҭыԥ ахь деиҭалхын. Убри алагьы, Ангела Меркель атәыла напхгара алҭалоит 16 шықәса инеиԥынкыланы. 2018 шықәса жьҭаарамзазы Ангела Меркель аҳәамҭа ҟалҵеит 2021 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу аканцлер иалхрақәа лхы шрылалмырхәуа ала. Убри анаҩсгьы, Меркель уаҳа Ақьырсиан-демократиатә хеилак ахантәаҩыс далырхӡом, уи алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса анҵәамҭазы. Меркель лыпресс- маӡаныҟәгаҩ Штеффен иакәзар, аҳәамҭа ҟаиҵеит Германиа аканцлер лыҿҳәара нҵәаанӡа лҭыԥ шаанылмыжьуа ала.<ref>https://ru.euronews.com/2017/09/25/german-election-live-updates-as-angela-merkel-seeks-fourth-term</ref> == Ангела Меркел лхатәы ԥсҭазаара == Ангела Меркель лхатәы ԥсҭазаара атәы ҳҳәозар, лхаҵацара даара иманшәаламхеит. Лхаҵа Ульрих Меркели лареи хәышықәса заҵәык роуп иахьеицынхоз, 1982 шықәсазы Ангела лхаҵа дилҵуеит. Аха, иара ижәла Меркель – уи иаанагоз «еицырдыруа» ауп, шылхыз иаанлыжьит. Ангела Меркель ҩынтә раан хаҵа дцеит 1998 шықәсазы, — аҩбатәи лхаҵа ахимик Иоахим Зауер иакәын. Актәигьы аҩбатәигьы аҭаацәарақәа рҟны лара хшара дылмоуит.<ref>https://alabanza.ru/angela-merkel-biografiya-lichnaya-zhizn-semya-muzh-deti-foto/#i-3</ref> == Ангела Меркель илыдҳәалоу аинтерес зҵоу афактқәа == Ангела даныхәыҷыз ашьхарпаҿа еизылгон, аџьармыкьаҿы аҭиразы. Усҟан лара илыздырамызт лахьынҵас ишылзыԥҵәаз политик дуны аҟалара. Меркель данқәыԥшыз адискотекақәа еиҿылкаауан, уа лара барменс аус луан. Зны Ангела ала лшьапы иацҳаит, уиаахыс даара алақәа дрыцәшәон, аполитикцәа ари лфобиа даара еилкаарыла иазнеиуеит аҟынтә, адкыларақәа раан алақәа наргом. Аха, Урыстәыла Ахада Владимир Путин ҽнак Ангела лнервқәа гәеиҭарц иӡбан, Кони захьӡыз апрезидент ла ду ицны ирезиденциа аҟны дылԥылеит. Ажурналистцәа ари иаразнак игәарҭеит, акыр афотоқәагьы Ангела Меркель ала дахьахәаԥшуа аладырҵәеит. Меркель данканцлерха, мап ацәылкит амаҵзуратә уадақәа рҟны анхара. Иахьа уажәраанӡагьы лара дынхоит лхаҵеи лареи қьырала илырхуа ауадақәа рҟны. Ангела аус здылуло астол аҟны иқәгылоуп Екатерина II лфотосахьа, лара уи аԥҳәыс лидеал лакәны длыԥхьаӡоит. Ангела Меркель акаҳуа бзиа илбаӡом, уи ачаи ашьыхә аҭаны илжәуеит. Меркель бзиа дзымбо зегьы «аиԥка зшәу Гитлер» ҳәа илышьҭоуп, иҟоуп Адольф Гитлер аганахь иоуз иԥҳа лоуп ҳәа зҳәогьы.<ref>https://interesnyefakty.org/angela-merkel/</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Ԥхынгәымза 7 рзы ииз]] [[Акатегориа:1954 шықәсазы ииз]]
Ангела Доротеиа Меркель (; , Гамбург) — анемец ҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы. Абҵарамза 22, 2005 шықәса раахыс Германиа Афедералтә канцлер, мшаԥымза 10, 2000 шықәса раахыс Ақьырсиан — демократиатә еилакы апартиа аԥхьагыла.https://whoiswho.dp.ru/cart/person/1919625 Ангела Меркель лхәыҷреи аҵарадырреи Ангела Доротеиа Меркель (хаҵа дцаанӡа Каснера илыжәлан) диит ԥхынгәымза 17, 1954 шықәсазы Гамбург. Ангелиа аполиак хылҵшьҭра лымоуп. Лаб-Хорст Каснер аполиак жәла имаз Казмерчак иԥсахит. Иара аҵара иҵон Геиделбергтәии Гамбургтәии ауниверситетқәа рҟны, атеологиа амаҭәар ала. Ангела Меркель лабду, Лиудвик Казмерчак, Познантәи аполициаҟны амаҵзура дахысуан, Актәи адунеизегьтәи аибашьра далахәын, иара убасгьы Польшеи - Украинеи, насгьы асоветтә - польшатәи еибашьрақәа дрылахәын.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-angela-merkel.html Лан – Герлинда Каснер — алатын бызшәеи англыз бызшәеи рырҵаҩыс аус луан. Ангела – аҭаацәараҿы зегьы иреиҳабыз хәыҷын. Ангела лира аамышьҭахь иаарласны лҭаацәа ГДР-ҟа нхара ицеит. Хорст Каснер иаарласны ақалақь Перлеберге иҟаз алиутерантә уахәама Берлин- Брандербург амаҵзуҩыс дҟалоит, аха 1957 шықәсазы аҭаацәа ақалақь маҷ Темплинҟа нхара ицоит. Ара Ангела лаб апасторцәа рзы аколлеџь анапхгараҭара идырҵеит. Лан атәым бызшәақәа рырҵаҩыс аус луан. Ангела лнаҩс лани лаби даҽа ҩыџьа ахшара рыман: аиашьа Маркуси аиаҳәшьа Иренеи. Каснераа рхәыҷқәа ашкол ахь иныҟәомызт, ран Герлинд ахәыҷқәа рааӡареи аҵара дырҵареи даҿын. Абжьаратәи аполитехникатә школ Ангела Каснер дҭалоит 1961 шықәсазы, Ангела Доротеиа иҭынчыз, ахӡыргара ззымдыруаз ӡӷабын. Аҵара бзианы илҵон. Даара абызшәақәа лыцааиуан, иара убасгьы аҵарадырра дазҿлымҳан. Усҟантәи аамҭазтәи ГДР ахәыҷқәа зегьы реиԥш Ангела дпионерын, анаҩс лара зых иақәиҭу анемец ҿар рхеилак далалоит (ССНМ). Ангела Доротеиа ашкол далгеит 1973 шықәсазы, ибзиаӡаны, дагьҭалоит Карл Маркс ихьӡ зхыз Леипцигтәи ауниверситет, афизика факультет.https://biographe.ru/politiki/angela-merkel/ Меркель ауниверситет аҟынгьы ибзиаӡаны аҵара лҵон. Лара лҵареи ССНМ аҟны лусуреи еидылбалон. Аха уажәшьҭа уи уаҩ игәаимҭоз, иҭынчыз, ахӡыргара зламыз зӷабмызт. Лҵара шықәсқәа раан, 1974 шықәса рзы Москватәии Ленинградтәии ауниверситет афизика факультет астудентцәеи лареи реиқәшәара аан, диабадыруеит раԥхьатәи лхаҵа, астудент-афизик Фогтландтәи, Ульрих Меркель. Дара ргәыргьынхаҵара мҩаԥысит Темплинтәи ауахәама аҟны, цәыббрамза 3, 1977 шықәсазы. Ауниверситет аҟны лҵара ашықәсқәа раан, Ангела аполитикатә усура лхы алагалара дазхәыцуа далагеит. Афизикатә химиа Аинститут аҟны лусура аан, лара аамҭаказы зых иақәиҭу анемец ҿар Рхеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Ангела Меркель ҭакԥхықәрас илыдын агитациеи апропагандеи рымҩаԥгара. Қәҿиарала Леипцигтәи ауниверситет даналга, Ангела Меркель усура ҳәа АН ГДР афизикатә химиа ацентртә институт ахь ддәықәҵан. 1986 шықәса рзы адоктортә диссертациа лыхьчеит.https://24smi.org/celebrity/261-angela-merkel.html Ангела Меркель лполитикатә кариера Ангела Меркель политикк иаҳасаб ала лымҩа хацлыркит 80-тәи ашықәсқәа рзы, иаҳхысыз ашәышықәсазы. Ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы Ангела Меркель лассы-ласс дцәырҵуа далагеит. Анаҩс, Берлинтәи аҭӡы «каҳаит». Ари ахҭыс даара лгәаҵанӡа инеит аҵарауаҩ - афизик. Анемеццәа рзын иҭоурыхтә хҭысыз аҽны Ангела Доротеиа дгәеиҭоит усҟан ФРГ аканцлерс иҟаз Гельмут Коль. Ангела Меркель лакәзар, илыдырҵаз аҭакԥхықәра қәҿиарала иналыгӡон. Ауаа агитациа рзылуан, Балтикатәи аԥсыӡкҩцәа дырԥылон, ауарашжәырҭақәа рҟны ацәажәарақәа мҩаԥылгон. Меркель акыр ақәыргәыӷрақәа рылҭон, ауаагьы лыгәра ргон, рыбжьқәа лырҭон. Лара лалхыҩцәа лассы-ласс ирҳәон: «Егьырҭ ирҿырԥшны улыхәаԥшуазар, лара ма дузыӡырҩуеит» — ҳәа, убри аҟынтә ирылҭоз ақәыргәыӷрақәа аныналмыгӡозгьы илызгәаауамызт.https://lenta.ru/articles/2019/07/17/frau_merkel/ Ангела Меркель апартиа «Ақьырсин-демократиатә хеилак» ахь диасуеит, анаҩс Германиа анеидырҵа, Ангела Доротеиа Меркель ХДС аҟынтә Бундестаг адепутатс дҟалоит. Гельмут Коль иаразнак Ангела даликаауеит, дҵангьы илыдиҵоит аҳәса зегьы драԥхьагыланы ԥхьаҟа ацара. Аканцлер Коль, Ангела Меркель аиҳабыра рахь днеиԥхьоит, аҳәсеи аҿари русқәа рзы аминистрс дҟаиҵоит. Меркель аполитик бырг даара далкааны бзиа дибон, «сыӡӷаб» ҳәа леиҳәон. Иаарласнгьы лара ХДС амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ аанылкылоит. Ажурналистцәа ракәзар, Ангела Меркель «Коль иӡӷаб» ҳәа хьыӡшьарас илырҭоит. Аха, 1998 шықәсазы Коль алхрақәа раан Герхард Шриодер иҟны даҵахоит. Коль ԥхьатәара данца ашьҭахьҵәҟьа иҩызцәеи идгылаҩцәеи еимпуа иалагеит, еиҳаракгьы ХДС апартиа аҭахрақәа рзын аолигархцәа рҟынтә аԥара аиуан ҳәа ахара анидырҵа ашьҭахь. Изгәакьаз Меркель лакәзар, уигьы мап ицәылкуа далагеит, Гельмут Коль апартиатә ҭыԥ аҟынтәи иахҳәаразы аҵысрагьы днахагылеит. Иара убри ашықәсан Ангела Меркель апартиа амаӡаныҟәгаҩ хадас далхын.https://germanexpert.ru/angela-merkel/ Ангела Меркель аԥҳәыс-аканцлер Ангела Меркель хьаҵра ҟамҵакәан амчрахь лымҩа хан. 2002 шықәсазы Меркель лкандидатура ықәлыргылоит ФРГ аканцлерс аҟаларазы, аха анаҩс, Ақьырсиантә социалисттә хеилак аҟнытә Едмунд Штоибер икандидатура анықәиргыла, лара рхықәкы мап ацәылкуеит. Аха, егьа ус акәзаргьы, 2005 шықәсазы лара аоппозициа аҟнытә ФРГ аканцлерс лкандидатура ықәдыргылоит.https://svpressa.ru/persons/angela-merkel/ Иара убри ашықәсан, цәыббрамза 20 рзы, ХДС-ХСС афракциа ҿыц раԥхьатәи аилатәараҟны, Ангела Доротеиа Меркель уи ахантәаҩыс далырхуеит. Абҵарамза 22, 2005 шықәсазы Меркель рыбжьқәа лырҭеит 611-ҩык адепутатцәа рахьтә 397-ҩык XVI ааԥхьара бундестаг адепутатцәа, убри алагьы лара лакәхеит зегь реиҳа иҿаз (51 шықьса лхыҵуан), насгьы раԥхьатәи аԥҳәыс - афедералтә канцлерс иҟалаз ФРГ аҭоурых зегьы аҟны. Ари амаҵзура аҟны Ангела Меркель иахьа уажәраанӡа дыҟан. Арҭ ашықәсқәа зегьы лара даара аҽынкылара змаз, зус здыруаз напхгаҩны дыҟан. Ангела Меркель аҳәынҭқарра аҟны азин еснагь еиқәырханы илыман уҳәар алшоит. Германиа Европатәи Ахеилак аилазаара аҟны - економикатә ԥхьагылан атәыла анеидырҵа аамышьҭахь, атәыла аполитикатә аспект аҟынгьы аԥхьагылара аанарԥшуа иалагеит. Аканцлер Меркель лполитика ала Германиа аҳаҭыр Европа ишьҭыҵит. Лара лтәыла изныкымкәан егьырҭ, уи аҟара аҿиара змамыз, европатәи аҳәынҭқаррақәа ирыцхраахьан, иара убасгьы афинанстә цхыраарагьы рзыҟанаҵон.https://germania-online.diplo.de/ru-dz-ru/politik/angela-merkel-10-jahre-amt/1926252 Ус шакәызгьы, атеррористтә акциақәа рацәахо ианалага, аканцлер Меркель имҩаԥылгоз амиграциатә политика гәыҩбара лнаҭо далагеит. 2010 шықәса рзы Потсдам ХДС алахәылацәа ҿарацәа рҿаԥхьа дықәгыло, Ангела Меркель иаартны илҳәеит, амультикультурализм аполитика Германиа ишхыбгалаз. Лара лгәаанагара ала, европаа мацара ракәӡам, Европаҟа иааз, амигрантцәагьы ирылшо зегьы ҟарҵалар ауп агермантә еилазаара иахәҭакны иҟаларазы, уи азын акы ҳәа анемец бызшәа рҵар ауп. Киольн амигрантцәа раморалтә хымҩаԥгашьа ашьҭахь, Ангела Меркель ааԥхьара ҟалҵеит зегьы агәҭынчра аадырԥшларц. «Ҳара уи ҳаиааиуеит», — лҳәеит аканцлер. Ари аҳәамҭа аӡәырҩы рзын иџьашьатәхеит, акыр ацәажәарақәа ахылҿиааит. Аха, Ангела Меркель илҳәаз ҵакыс иамаз ахҵәацәа ринтеграциа, рнырхара, рыдкылара апроблема аӡбара акәын. Уи анаҩсгьы, Ангела Меркель лгәаанагара ала, ахҵәацәа атәыла аҿиара аус аҟны алагала ду ҟарҵар алшон. Аха, ахҵәацәа ринтеграциа азҵаарақәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акыр ауадаҩрақәа цәырыргон, урҭ закәыз ҳәа аканцлер еилкаара лымамызт.https://novayagazeta.ru/articles/2020/11/21/88054-ot-devochki-kolya-do-mamochki-natsii Ангела Меркель лыдәныҟатәи аполитика Ангела Меркель еснагь атәылақәа апартниорцәа зегьы еиԥшны дырзыҟан. Аха, Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитика еснагь еиҳа иадылцәылон. Канцлерс аҟаларазы алхрақәа дрылахәхаанӡа Ангела Доротеиа Еиду Америкатәи Аштатқәа Ирак иазырхаз реибашьра дадгылоит, иара убасгьы ЕАШ Косово аганахьала аусқәа дырзыразхоит. Аканцлер Меркель мрагыларатәи Украина аҭагылазаашьа «аҭышәныртәалареи», Минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡареи агәыԥ далахәылоуп.https://profylady.ru/articles/biografii/kanczler-germanii-angela-merkel-biografiya-lichnaya-zhizn-deti-pochemu-s-nee-stoit-brat-primer.html Ҭырқәтәыла аганахьала, 2005 шықәсатәи алхрақәа рҟынӡа, Меркель лгәаанагара лҳәон ари атәыла Европатәи Ахеилак иалахәыла наӡаны ишзыҟамло азы. Ангела Меркель Европатәи ахеилак ахантәаҩыс лыҟазаара аан Ҭырқәтәыла аԥыза - министр Реџьеп Таиип Ердоган даара акритика изылуит, уи Германиа иҟазаара аан уа инхоз аҭырқәцәа рассимилиациа алҵшәақәа иахькылыргар алшо атәы ахьиҳәаз азы. Ааигәа Мрагыларатәи аполитика акәзар, аканцлер Меркель рацәак лҽалалгалом. Урыстәылахь, иара Владимир Путин иахь лзыҟазаашьа атәы ҳҳәозар, Ангела Меркель «аритмикатә» ҟазшьа амоуп уҳәар алшоит. Америкатәи акурс адгылаҩ Меркель лассы-ласс лара лаԥхьа канцлерс иҟаз Герхард Шриодери Путини реиҩызара акритика азылуан. Аха, лара лхаҭа данканцлерха Шриодер иполитика амҩа данылеит.http://www.bgunb.ru/VirtualExibition/year_germany/politics1.html Украинатәи акризис аан Меркель Урыстәыла «Ҟрым аннексиа» азнауит ҳәа ахара адылҵеит. Аха уаанӡа Германиа адәныҟа-политикатә ҳаракыра аҟны активла закәанла иалхыз апрезидент Ианукович амчра аҟынтә дахызҳәаз киевтәи апутчистцәа адгылара рынаҭон. Еиду Америкатәи Аштатқәа рполитика акыр адгылара азҭоз Ангела Меркель лзын даара иџьашьатәхеит, америкатәи ҷыдалатәи амаҵзурақәа лҭел ала лцәажәарақәа ишырзыӡырҩуаз анлаҳа. Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент ҿыцс иҟаз Дональд Трамп иакәзар, Германиа ашҟа аиҩызааратә еизыҟазаашьа дахыццакуамызт. Аха, уи аԥара бзианы иԥхьаӡон. Ангела Меркели иареи реиқәшәара аан, иара 375 миллиард доллар аԥара лиҭоит. Трамп ишиҳәаз ала, арҭ аԥарақәа НАТО Германиа ахьчаразы иазоужьу ԥарақәоуп.https://inosmi.ru/politic/20180516/242240510.html Ангела Меркели 2017 шықәсазтәи Германиатәи алхрақәеи Ангела Меркель лгәаанагара ала, макьанагьы илылшашагьы маҷым, убри аҟынтә Германиа аканцлерс аҟаларазгьы аԥшьынтә раан лкандидатура ықәлыргылеит. Абҵарамза 24, 2017 шықәсазы, Германиа имҩаԥысит апарламенттә алхрақәа, уа Ангела Меркель лконсервативтә алианс ХДС-ХСС аиааира агеит, аха иаиуз 33% заҵәык абжьқәа роуп. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла иаԥҵан Бундестаг (апарламент), уи далнахит аканцлер. Усҟантәи аамҭазы ари аҭыԥ аанылкылеит Ангела Меркель.https://www.bbc.com/russian/features-41384750 Хәажәкыра 14, 2018 шықәсазы Ангела Меркель Бундестаг адепутатцәа реиҳараҩык рыбжьқәа рыла аканцлер иҭыԥ ахь деиҭалхын. Убри алагьы, Ангела Меркель атәыла напхгара алҭалоит 16 шықәса инеиԥынкыланы. 2018 шықәса жьҭаарамзазы Ангела Меркель аҳәамҭа ҟалҵеит 2021 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу аканцлер иалхрақәа лхы шрылалмырхәуа ала. Убри анаҩсгьы, Меркель уаҳа Ақьырсиан-демократиатә хеилак ахантәаҩыс далырхӡом, уи алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса анҵәамҭазы. Меркель лыпресс- маӡаныҟәгаҩ Штеффен иакәзар, аҳәамҭа ҟаиҵеит Германиа аканцлер лыҿҳәара нҵәаанӡа лҭыԥ шаанылмыжьуа ала.https://ru.euronews.com/2017/09/25/german-election-live-updates-as-angela-merkel-seeks-fourth-term Ангела Меркел лхатәы ԥсҭазаара Ангела Меркель лхатәы ԥсҭазаара атәы ҳҳәозар, лхаҵацара даара иманшәаламхеит. Лхаҵа Ульрих Меркели лареи хәышықәса заҵәык роуп иахьеицынхоз, 1982 шықәсазы Ангела лхаҵа дилҵуеит. Аха, иара ижәла Меркель – уи иаанагоз «еицырдыруа» ауп, шылхыз иаанлыжьит. Ангела Меркель ҩынтә раан хаҵа дцеит 1998 шықәсазы, — аҩбатәи лхаҵа ахимик Иоахим Зауер иакәын. Актәигьы аҩбатәигьы аҭаацәарақәа рҟны лара хшара дылмоуит.https://alabanza.ru/angela-merkel-biografiya-lichnaya-zhizn-semya-muzh-deti-foto/#i-3 Ангела Меркель илыдҳәалоу аинтерес зҵоу афактқәа Ангела даныхәыҷыз ашьхарпаҿа еизылгон, аџьармыкьаҿы аҭиразы. Усҟан лара илыздырамызт лахьынҵас ишылзыԥҵәаз политик дуны аҟалара. Меркель данқәыԥшыз адискотекақәа еиҿылкаауан, уа лара барменс аус луан. Зны Ангела ала лшьапы иацҳаит, уиаахыс даара алақәа дрыцәшәон, аполитикцәа ари лфобиа даара еилкаарыла иазнеиуеит аҟынтә, адкыларақәа раан алақәа наргом. Аха, Урыстәыла Ахада Владимир Путин ҽнак Ангела лнервқәа гәеиҭарц иӡбан, Кони захьӡыз апрезидент ла ду ицны ирезиденциа аҟны дылԥылеит. Ажурналистцәа ари иаразнак игәарҭеит, акыр афотоқәагьы Ангела Меркель ала дахьахәаԥшуа аладырҵәеит. Меркель данканцлерха, мап ацәылкит амаҵзуратә уадақәа рҟны анхара. Иахьа уажәраанӡагьы лара дынхоит лхаҵеи лареи қьырала илырхуа ауадақәа рҟны. Ангела аус здылуло астол аҟны иқәгылоуп Екатерина II лфотосахьа, лара уи аԥҳәыс лидеал лакәны длыԥхьаӡоит. Ангела Меркель акаҳуа бзиа илбаӡом, уи ачаи ашьыхә аҭаны илжәуеит. Меркель бзиа дзымбо зегьы «аиԥка зшәу Гитлер» ҳәа илышьҭоуп, иҟоуп Адольф Гитлер аганахь иоуз иԥҳа лоуп ҳәа зҳәогьы.https://interesnyefakty.org/angela-merkel/ Азгәаҭақәа Акатегориа:Ԥхынгәымза 7 рзы ииз Акатегориа:1954 шықәсазы ииз
37737
https://ab.wikipedia.org/wiki/Цәыббрамза_11,_2001_шықәсазы_атеррористтә_актқәа
Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы атеррористтә актқәа
[[Афаил:September_11_Photo_Montage.jpg|мини|Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы]] '''Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы атеррористтә актқәа''' — [[Цәыббрамза 11]], [[2001]] шықәсазы, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегьы иреиҳау атеракт мҩаԥган. Уи аҽны адунеи зегь шьанхалеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центри Пентагони рхыбрақәа рҿы имҩаԥгаз атерактқәа ртәы еиҭазҳәоз ателербагақәа рҿаԥхьа. Атрагедиа иалаӡит 92 ҳәынҭқарра иртәылауааз 2977-ҩык ауааԥсыра. Ари ахҭыс Америка, иара адунеи зегьы аҭоурых еиҟәнашеит «уаанӡеи» «уи ашьҭахьи» ҳәа. «Арҭ арыцхәқәа шьаҭанкыла ирыԥсахит Америка аԥсҭазаара, Америка ауааԥсыра ршәарҭадаразы ирымаз агәаанагара аԥсаҟьеит», – ҳәа азгәеиҭоит «Цәыббрамза жәеиза амилаҭтә баҟеи амузеии» рдиректор Джо Дениелс. Америка аганахьала амч аарԥшра, иара атәыла аҩныҵҟеиԥш, анҭыҵгьы ацәымӷреи аҿагылареи цәырыргон. Жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, адунеи аҟны Америка аҿагыларазы агәазыҳәарақәа ирызҳауан.<ref>https://ria.ru/20130911/961945852.html</ref> == Атеррор аҿагылара == Цәыббрамза жәеиза рзы иҟалаз ахҭыс анаҩс, Џьорџь Буш-аиҵбы иреспубликатә администрациа «атеррор аҿагылара» рыларҳәеит. Убри инамаданы аконгресс иаднакылеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы азакәанқәа жәпакы, урҭ амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵақәа еиҳагьы иарҭбаауан. Уажәшьҭа дара ироуит алшара аҿахәҿыхраан инамыцхәны ауаа рыргәаҟраз, иара убас аҳәаанырцәтәи атәылауаа реиԥш, дара ртәылауаагьы рышьклаԥшразгьы. Уи адагьы, США аҳәаақәа еиҳа-еиҳа иадыркуан. 2016 шықәса цәыббрамза мзазы Америка аконгресс азакәан аднакылеит цәыббрамза 11 рзы имҩаԥгаз атерактқәа ирҭынхаз аӡбарҭаҿы Саудовтәи Аравиа азашшразы алшара рызҭо.<ref>https://hromadske.ua/ru/posts/kak-izmenilsya-terrorizm-v-ssha-posle-11-sentyabrya-2001-goda</ref> 2002–2003-тәи шықәсқәа рзы аполициа иааныркылеит атеракт иалахәын ҳәа гәҩарас ирымаз фҩык ауааԥсыра. Шықәсқәак рнаҩс, ЦРУ аҟны рҭакра ашьҭахь, дара ииаган Куба иҟоу америкатәи абазақәа рлагер ахь. ԥыҭрак ашьҭахь атеррористцәа зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылан – урҭ Египет, Саудовтәи Аравиа, Ливан ртәылуаа ракәын. Убри аамҭаз, урҭ зегьы закәанла Америка инхон. «Аль-Каида» анапхгаҩы Усама Бен Ладен, иара убас, авидеоааԥхьара иҟаиҵаз аҟны иаартны иҳәеит, иара ихаҭа напхгара шырзиуа зеижәҩык атеррористцәа. 2011 шықәса, маи 2 рзы Пакистан Америкатәи амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа дҭадырхеит иара.<ref>https://www.interfax.ru/world/613067</ref> == Атеррористцәа рыгәҭакы == Бостонтәи аҳаиртә баӷәаза Логан акомпаниа Amerikan Airlines иатәу ареис №11 аԥырра аҽазыҟаҵара иаҿуп. Аграфик инақәыршәаны, уи Лос Анџьелесҟа иԥрыроуп. Аҳаирплан иҭатәоуп ԥшьынҩажәи фҩык апассаџьырцәа. Аборт ахь ихалеит хәҩык атеррористцәа – урҭ макьана апассаџьырцәа гәҩарас иркыртә иҟамызт. Хәҩык рахьтә раԥхьа аҳаирплан иҭалоит Мухаммед Аттеи Абдулазиз аль-Омари. Amerikan Airlines жәеизатәи ареис шьҭыԥраауеит жәиԥшь минуҭ иагханы. Ареис аҵыхәтәаны аимадарахь ицәырҵуеит Бостон аҳаиртә ныҟәара ацентр ахь. Минуҭқәак рышьҭахь ареис адиспетчер иинструкциақәа рынагӡара иаҟәыҵуеит, иахәҭоу аҳаракырагьы шьҭнамхӡеит.<ref>https://tass.ru/spec/11_9</ref> United Airlines рейс 175 – даҽа ҳаирпланк Boeing 767 – иара убас Логан аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи Лос-Анџьелес шыҟаз иԥрит. Аборт аҿы иҟоуп ҩынҩажәи жәафҩык апассаџьырцәеи, жәҩык аекипаж алахәылацәеи. Даҽа хәҩык атеррористцәа. Аборт аҟынтәи авиакомпаниа Amerikan Airlines аофис ахь аҭел дасит ажәеизатәи ареис астиуардесса Бетти Онг. «Апилотцәа ркабинаҟынтәи аҭак ҟарҵаӡом, абизнес-класс аҟны аӡәы дхәуп, агаз рхы иадырхәеит ҳәа сыҟоуп, аҳауа ҳазхом, ацәгьауцәа рнапаҿы ҳаҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит», – ҳәа адырра ҟалҵоит аӡӷаб, иагьацылҵоит ҩыџьа астиуардессацәа хәуп ҳәа. Вашингтонтәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Далласнтәи Лос-Анџьелесҟа ишьҭыԥраауеит Amerikan Airlines иатәу даҽа Boeing 757. Хынҩажәи жәибыжьтәи ареис ала иԥыруеит ҩынҩажәи жәааҩык апассаџьырцәеи фҩык аекипаж иалоуи. Еиҭа хәҩык атеррористцәа аборт аҿы иҟоуп. Жәеизатәи ареис арадиоеимадара ҿахҵәоит, аха аҳаирплан арадар аекранқәа рҿы иаанхоит. Анаҩс иара аҳауаҿы иқәгьежьааны алада, Ниу-Иоркҟа ахы рханы идәықәлоит.<ref>https://iz.ru/1059448/video/19-godovshchina-teraktov-11-sentiabria</ref> Бостонтәи ацентр аҽрыманадоит США амилаҭтә гвардиа авиабаза, адыррагьы ҟанаҵоит ажәеизатәи ареис шымҵарсу ала. Минуҭқәак рышьҭахь адиспетчерцәа адырра роуеит иара убас шәи хынҩажәи жәохәтәи ареис апилот иҟынтәи, уаанӡа Логанынтәи ишыҵыԥрааз. Ниу-Иорк жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи иҵыԥраауеит United Airlines иатәу Boeing 757. 93-тәи ареис аборт аҿы иҟан 37-ҩык апассаџьырцәа, 40 минуҭ иагханы Сан-Францискоҟа амҩа иқәлеит. Аборт аҿы иҟоуп ԥшьҩык атеррористцәа. Шәи хынҩажәи жәохәтәи ареис ацәгьауцәа рнапаҿы иҟан. Сан-Франциско иҟоу авиакомпаниа United Airlines аофис ахь адырра ҟаиҵеит ареис абортмҩаԥгаҩ: уи иҳәеит апилотцәа аҩыџьагьы шшьу, абортмҩаԥгаҩ дышхәу, аҳаирплан аԥсҟы атеррористцәа ишырку. Убри аамҭазы жәеизатәи ареис хыла иажәлеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центр аҩадатәи абааш, 93–99-тәи аихагылақәа рыбжьара. Аҳаирплан шеибгаз ахыбра аҩныҵҟа иҩналеит, ахыбра агәҭанӡа еилаԥнаххааит, 80 тонна абылтәи, аҳаирплан аԥҽыхақәеи, ахыбра аԥҽыхақәеи амцабз рхылҵит.<ref>https://www.m24.ru/articles/proisshestviya/11092020/157090</ref> США апрезидент Џьорџь Буш атеракт анымҩаԥысуаз Флорида дыҟан. Сарасота ақалақь ашколқәа руак аҿы. Апрезидент аклассаҿ дахьтәаз, администрациа ахада Енди Кард дааины илымҳа иҭеиҳәеит даҽа ҳаирпланк аҩбатәи абааш ишажәлаз. Шәи хынҩажәи жәохәтәи ареис ажәлеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центр аладатәи абааш, аладатәи аган, 78–85-тәи аихагылақәа рыбжьара. Аҳаирплан ахәҭақәа ахыбра иагәылҟьаны мрагыларатәи аганахь икаҳауан. Ателехәаԥшратә станциақәа русураҟны аиԥҟьарақәа ҟалеит, избанзар аладатәи абааш аҟны аус руан астудиақәа, антеннатә мыругақәа. ԥшьынҩажәи жәахатәи ареис апилотцәа ркабина атеррористцәа ақәланы аҳаирплан рнапаҿы иааргоит.<ref>https://ria.ru/20190911/1558495751.html</ref> Хынҩажәи жәибыжьтәи ареис Вашингтонҟа ахы шархаз азы адырра анроу Маӡалатәи амаҵзура аӡбамҭа аднакылоит Аҩны шкәакәа аҟынтәи апрезидент-ихаҭыԥуаҩ идәылгаразы. ԥшьынҩажәи жәахатәи ареис аҟны апассаџьырцәа рыбжьара аилаҩынтра ҟалеит. Напышьашәала еилалеит ацәгьауцәеи апассаџьырцәа гәыԥҩыки. United Airlines ареис 93 каҳауеит 129 км. аҿы. Питтсбург, алада-мрагыларатәи Пенсильваниа. Изларҳәо ала, иара хықәкыс иаман Капитолиа, ма Аҩны шкәакәа рхыбрақәа рырбгара. Аха, уаанӡа, имҵадырсхьаз аҳаирпланқәа ртәы заҳахьаз апассаџьырцәа ацәгьауцәа рыгәҭакы иахьырмыгӡеит. Ауаа рҿагылара рылымшозшәа анырба, атеррористцәа алаинер адгьыл ахь ахы рханы идәықәырҵеит. Amerikan Airlines ишьақәнарӷәӷәеит ҩ-ҳаирпланк шацәыӡыз. Сааҭк аҩныҵҟала United Airlines убасгьы адырра ҟанаҵеит даргьы ҩ-лаинерк шырцәыӡыз ала.<ref>https://www.rbc.ru/society/11/09/2011/5703ebf99a79477633d379cc</ref> == Еициз абаашқәа реилаҳара == Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны 2001 шықәса, цәыббрамза 11 рзы иҟалаз ахҭысқәа зхызгаз, урҭ ргәалашәараҿы иаанхоит наунагӡа. «Абаашқәа еилаҳар ҟалоит ҳәа аӡәгьы ихахьы изаагомызт. Дарбанзаалак Америка ииз, аҳәаанырцәынтә иааз рзгьы, арҭ абаашқәа наунагӡа ԥсра рықәым ҳәа ирыԥхьаӡон», - ҳәа азгәеиҭоит Џьонатан Вахтел. Раԥхьатәи аҳаирплан аҩадатәи абааш ианажәла, амца анакы, ауаа иаразнак аԥенџьырқәа рҟынтәи аԥара иалагеит. Урҭ аԥара иаҿын абааш зынӡа еилаҳаанӡа. Ауаа хыхьынтәи иԥон амцабз, алҩа иацәыбналаны, аҭуанқәа аԥҽра ианалага, рыҵаҟа адашьма рыҵаԥҽуа ианалага. Иԥон, иԥсаанӡа ҳауак лбаардарц. Ауаа каҳауан хыхьынтәи ахыбра аԥшьганк рҟынтәи. Сааҭки бжаки иреиҳаны ауаа аԥенџьырқәа рҟынтәи аԥара иаҿын. Усҟантәи аамҭаз иҟаҵаз афотосахьаҿы иубоит хҩык еишьҭагыланы аҳауа ишалоу апарашиутистцәа раҳасабала.<ref>https://www.gazeta.ru/social/2019/09/11/12641899.shtml</ref> Ахаҳәмҿыхә аҵаҟа ҩажәа сааҭ инеиҳаны иаҵажьын ахацәа – асержант Џьон Мак Лафлин иҟынӡа абылраусзуҩцәа ашьыжь цәыббрамза жәаҩа рзы ауп ианнеиз. Агоспиталь аҟны аҳақьымцәа акагь ҳалшом рҳәеит – убри аҟара ааха ӷәӷәа иман иара. Анаҩс Џьон фымчыбжьа ихизымдыруа дыҟан, ҩажәи жәаба рҟынӡа аԥҟарақәа ихигеит. Акыршықәсатәи атерапиа ашьҭахь ишьапы дықәгылеит. Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центр аԥҽыхақәа ирыҵыргаз рахьтә, Џьон Мак Лафлин дҵыхәтәантәиуп. Ашәарҭара ӷәӷәа иҭагылан аиқәырхаҩцәагьы – ауаа алыргарц азыҳәан рыԥсҭазаара еигӡомызт. Аладатәи абааш аҟны ауаа ахаҳә дуқәа зҿажьыз амардуан ала илбаауан. «Иуаҳауан ауаа рқьыбжьы, реимҳәабжьы. ԥҳәыск лнапы, лшьапы ашьа ахьыжжы днеиуан. Адашьмаҟны лшьала лшьапышьҭақәа аанлыжьуан.Сара сҽазысшәон схы снапаҿы аагара», – еиҭалҳәоит ари ахыбраҿы аус зуаз аԥҳәыс. Уи илыцызгьы ларгьы амҩаду ахь ацәырҵра рылшеит.<ref>https://veved.ru/events/150376-19-let-nazad-terroristy-unichtozhili-bashni-bliznecy-v-nju-jorke.html</ref> Ҩажәижәаба шықәса зхыҵуаз Маикл Раит иакәзар, атеракт аныҟалаз аамҭазы Адунеизегьтәи Ахәҳахәҭратә центр Аҩадатәи абааш ԥшьынҩажәиактәи аихагылаҿы дыҟан. Ахаҵа иажәақәа рыла, азныказ ахыбра аагарыгаҽеит – иара ауадаҟынтәи дандәылыԥш ибеит амца. Иара убас адашьма аиҟәышьшьара иалагеит, алифт азааигәара иҟаз ахолл еилыбгахьан, зехьынџьара алҩа хачылан. Маикл иколлегацәеи иареи ҵаҟа албаара ишаҿыз ҩынҩажәатәи аихагылаҿы ирԥылеит амцарцәаҩцәа. Дара илбааларц ирабжьаргеит. Аҩажәатәи аихагылаҟынӡа ианнеи ирбеит зехьынџьара иԥсны ишкажьыз жәаҩыла ауаа. Ахыбра аилаҳара иалагеит Раит иколлегацәеи иареи адәылҵырҭа ианазааигәаха. Асаба еилачны игылаз аҳауа ареиқәаҵәеит. Маикл адәахьы ддәылигеит амцарцәаҩ, уи идыруан еиқәхаз ашәҟәыҭирҭа ахыбара ала амҩахь ушцәырҵуаз. Атрагедиа амш аҽны Ниу-Иорк дыҟан Александр Братерски, уажәы – «Газета.Ru» аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ. Иара илақәа рыла ибеит ихлымӡаахыз урҭ асааҭқәа рзы ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа. «Ашьыжь шаанӡа сара аметро сҭан, егьырҭ апассаџьырцәеи сареи ахыбра дуқәа руак аҟны амцабз ҳбеит. Ҳара авагон аҟынтәи ҳҭыргеит – аҳаирплан абааш ишажәлаз атәы аполициа аусзуҩцәа рҟынтәи ауп ишҳаҳаз. Ҳара иаразнак ҳгәы иаанагеит ари терактуп ҳәа. Сара иаразнак адәаҿы игылаз атаксофон ахь сеихеит, усҟан аус ахьызуаз «Наше радио» аефирахь аҭыҵразы», – иҳәоит Братерски.<ref>{{Cite web |url=https://www.tourister.ru/world/america/united-states/city/new_york_city/skyscrapers/1984 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-07-19 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240719000306/https://www.tourister.ru/world/america/united-states/city/new_york_city/skyscrapers/1984 |url-status=dead }}</ref> Ахҳәааҟаҵаҩ игәалаиршәоит рыкәшамыкәша ауаа шәаҟьаны ишыҟаз. «Ирацәаҩын иҵәыуоз, аполициа аусзуҩцәа ҳәҳәон, ауаа ақалақь иалҵны Ниу-Џьерсиҟа ицаларц. Урысшәала сышцәажәоз заҳаз ӡӷабк снапы аанылкылеит. Лара Украинантәи даазаап. Уи дҵәыуон, иҟалҵоз дақәшәомызт. Нас акафе аҟынӡа дназгеит, уаҟа ауаа еизаны телевизорла абаашқәа шеилаҳауаз иахәаԥшуан», – иҳәоит Братерски. Цәыббрамза 11 рзы атеракт иахҟьаны иҭахеит 2977-ҩык: 246-ҩык апассаџьырцәеи аҳаирплан аекипажи, 2606-ҩык – Ниу-Иорк, Адунеизегьтәи Ахәҳахәҭратә Центр аҿы, 125-ҩык – Пентагон ахыбраҿы. Иҭахеит Америкеи даҽа 91 ҳәынҭқарреи ртәылауаа. Аиқәырхаратә усурақәа раан иҭахеит, иара убас, 341-ҩык амцарцәаҩцәеи, 60-ҩык аполициа аусзуҩцәеи, ааҩык ацхыраара ласы аузуҩцәеи. 2002 шықәса раахыс США амзарқәа рҿы цәыббрамза 11 арбоуп Апатриот имш ҳәа. 2009 шықәса раахыс ари арыцхә убасгьы иԥхьаӡоуп Амаҵзуреи агәаларшәареи рзеиԥшмилаҭтә мшны. 2011 шықәсазы Ниу-Иорк ирбгаз ахыбрақәа рҭыԥ аҿы игылоу Адунеизегьтәи Ахәҳахәҭратә центр амемориал, ашьапаҟны ишьҭоу ахаҳәцәы иануп иҭахаз рыхьӡқәа.<ref>https://quote.rbc.ru/news/article/5f5602839a79473dd7d7ce5f</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа]] [[Акатегориа:Цәыббрамза 11]] [[Акатегориа:2001 шықәсазы ицәырҵит]]
Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы атеррористтә актқәа — Цәыббрамза 11, 2001 шықәсазы, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегьы иреиҳау атеракт мҩаԥган. Уи аҽны адунеи зегь шьанхалеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центри Пентагони рхыбрақәа рҿы имҩаԥгаз атерактқәа ртәы еиҭазҳәоз ателербагақәа рҿаԥхьа. Атрагедиа иалаӡит 92 ҳәынҭқарра иртәылауааз 2977-ҩык ауааԥсыра. Ари ахҭыс Америка, иара адунеи зегьы аҭоурых еиҟәнашеит «уаанӡеи» «уи ашьҭахьи» ҳәа. «Арҭ арыцхәқәа шьаҭанкыла ирыԥсахит Америка аԥсҭазаара, Америка ауааԥсыра ршәарҭадаразы ирымаз агәаанагара аԥсаҟьеит», – ҳәа азгәеиҭоит «Цәыббрамза жәеиза амилаҭтә баҟеи амузеии» рдиректор Джо Дениелс. Америка аганахьала амч аарԥшра, иара атәыла аҩныҵҟеиԥш, анҭыҵгьы ацәымӷреи аҿагылареи цәырыргон. Жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, адунеи аҟны Америка аҿагыларазы агәазыҳәарақәа ирызҳауан.https://ria.ru/20130911/961945852.html Атеррор аҿагылара Цәыббрамза жәеиза рзы иҟалаз ахҭыс анаҩс, Џьорџь Буш-аиҵбы иреспубликатә администрациа «атеррор аҿагылара» рыларҳәеит. Убри инамаданы аконгресс иаднакылеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы азакәанқәа жәпакы, урҭ амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵақәа еиҳагьы иарҭбаауан. Уажәшьҭа дара ироуит алшара аҿахәҿыхраан инамыцхәны ауаа рыргәаҟраз, иара убас аҳәаанырцәтәи атәылауаа реиԥш, дара ртәылауаагьы рышьклаԥшразгьы. Уи адагьы, США аҳәаақәа еиҳа-еиҳа иадыркуан. 2016 шықәса цәыббрамза мзазы Америка аконгресс азакәан аднакылеит цәыббрамза 11 рзы имҩаԥгаз атерактқәа ирҭынхаз аӡбарҭаҿы Саудовтәи Аравиа азашшразы алшара рызҭо.https://hromadske.ua/ru/posts/kak-izmenilsya-terrorizm-v-ssha-posle-11-sentyabrya-2001-goda 2002–2003-тәи шықәсқәа рзы аполициа иааныркылеит атеракт иалахәын ҳәа гәҩарас ирымаз фҩык ауааԥсыра. Шықәсқәак рнаҩс, ЦРУ аҟны рҭакра ашьҭахь, дара ииаган Куба иҟоу америкатәи абазақәа рлагер ахь. ԥыҭрак ашьҭахь атеррористцәа зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылан – урҭ Египет, Саудовтәи Аравиа, Ливан ртәылуаа ракәын. Убри аамҭаз, урҭ зегьы закәанла Америка инхон. «Аль-Каида» анапхгаҩы Усама Бен Ладен, иара убас, авидеоааԥхьара иҟаиҵаз аҟны иаартны иҳәеит, иара ихаҭа напхгара шырзиуа зеижәҩык атеррористцәа. 2011 шықәса, маи 2 рзы Пакистан Америкатәи амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа дҭадырхеит иара.https://www.interfax.ru/world/613067 Атеррористцәа рыгәҭакы Бостонтәи аҳаиртә баӷәаза Логан акомпаниа Amerikan Airlines иатәу ареис №11 аԥырра аҽазыҟаҵара иаҿуп. Аграфик инақәыршәаны, уи Лос Анџьелесҟа иԥрыроуп. Аҳаирплан иҭатәоуп ԥшьынҩажәи фҩык апассаџьырцәа. Аборт ахь ихалеит хәҩык атеррористцәа – урҭ макьана апассаџьырцәа гәҩарас иркыртә иҟамызт. Хәҩык рахьтә раԥхьа аҳаирплан иҭалоит Мухаммед Аттеи Абдулазиз аль-Омари. Amerikan Airlines жәеизатәи ареис шьҭыԥраауеит жәиԥшь минуҭ иагханы. Ареис аҵыхәтәаны аимадарахь ицәырҵуеит Бостон аҳаиртә ныҟәара ацентр ахь. Минуҭқәак рышьҭахь ареис адиспетчер иинструкциақәа рынагӡара иаҟәыҵуеит, иахәҭоу аҳаракырагьы шьҭнамхӡеит.https://tass.ru/spec/11_9 United Airlines рейс 175 – даҽа ҳаирпланк Boeing 767 – иара убас Логан аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи Лос-Анџьелес шыҟаз иԥрит. Аборт аҿы иҟоуп ҩынҩажәи жәафҩык апассаџьырцәеи, жәҩык аекипаж алахәылацәеи. Даҽа хәҩык атеррористцәа. Аборт аҟынтәи авиакомпаниа Amerikan Airlines аофис ахь аҭел дасит ажәеизатәи ареис астиуардесса Бетти Онг. «Апилотцәа ркабинаҟынтәи аҭак ҟарҵаӡом, абизнес-класс аҟны аӡәы дхәуп, агаз рхы иадырхәеит ҳәа сыҟоуп, аҳауа ҳазхом, ацәгьауцәа рнапаҿы ҳаҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит», – ҳәа адырра ҟалҵоит аӡӷаб, иагьацылҵоит ҩыџьа астиуардессацәа хәуп ҳәа. Вашингтонтәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Далласнтәи Лос-Анџьелесҟа ишьҭыԥраауеит Amerikan Airlines иатәу даҽа Boeing 757. Хынҩажәи жәибыжьтәи ареис ала иԥыруеит ҩынҩажәи жәааҩык апассаџьырцәеи фҩык аекипаж иалоуи. Еиҭа хәҩык атеррористцәа аборт аҿы иҟоуп. Жәеизатәи ареис арадиоеимадара ҿахҵәоит, аха аҳаирплан арадар аекранқәа рҿы иаанхоит. Анаҩс иара аҳауаҿы иқәгьежьааны алада, Ниу-Иоркҟа ахы рханы идәықәлоит.https://iz.ru/1059448/video/19-godovshchina-teraktov-11-sentiabria Бостонтәи ацентр аҽрыманадоит США амилаҭтә гвардиа авиабаза, адыррагьы ҟанаҵоит ажәеизатәи ареис шымҵарсу ала. Минуҭқәак рышьҭахь адиспетчерцәа адырра роуеит иара убас шәи хынҩажәи жәохәтәи ареис апилот иҟынтәи, уаанӡа Логанынтәи ишыҵыԥрааз. Ниу-Иорк жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аҟынтәи иҵыԥраауеит United Airlines иатәу Boeing 757. 93-тәи ареис аборт аҿы иҟан 37-ҩык апассаџьырцәа, 40 минуҭ иагханы Сан-Францискоҟа амҩа иқәлеит. Аборт аҿы иҟоуп ԥшьҩык атеррористцәа. Шәи хынҩажәи жәохәтәи ареис ацәгьауцәа рнапаҿы иҟан. Сан-Франциско иҟоу авиакомпаниа United Airlines аофис ахь адырра ҟаиҵеит ареис абортмҩаԥгаҩ: уи иҳәеит апилотцәа аҩыџьагьы шшьу, абортмҩаԥгаҩ дышхәу, аҳаирплан аԥсҟы атеррористцәа ишырку. Убри аамҭазы жәеизатәи ареис хыла иажәлеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центр аҩадатәи абааш, 93–99-тәи аихагылақәа рыбжьара. Аҳаирплан шеибгаз ахыбра аҩныҵҟа иҩналеит, ахыбра агәҭанӡа еилаԥнаххааит, 80 тонна абылтәи, аҳаирплан аԥҽыхақәеи, ахыбра аԥҽыхақәеи амцабз рхылҵит.https://www.m24.ru/articles/proisshestviya/11092020/157090 США апрезидент Џьорџь Буш атеракт анымҩаԥысуаз Флорида дыҟан. Сарасота ақалақь ашколқәа руак аҿы. Апрезидент аклассаҿ дахьтәаз, администрациа ахада Енди Кард дааины илымҳа иҭеиҳәеит даҽа ҳаирпланк аҩбатәи абааш ишажәлаз. Шәи хынҩажәи жәохәтәи ареис ажәлеит Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центр аладатәи абааш, аладатәи аган, 78–85-тәи аихагылақәа рыбжьара. Аҳаирплан ахәҭақәа ахыбра иагәылҟьаны мрагыларатәи аганахь икаҳауан. Ателехәаԥшратә станциақәа русураҟны аиԥҟьарақәа ҟалеит, избанзар аладатәи абааш аҟны аус руан астудиақәа, антеннатә мыругақәа. ԥшьынҩажәи жәахатәи ареис апилотцәа ркабина атеррористцәа ақәланы аҳаирплан рнапаҿы иааргоит.https://ria.ru/20190911/1558495751.html Хынҩажәи жәибыжьтәи ареис Вашингтонҟа ахы шархаз азы адырра анроу Маӡалатәи амаҵзура аӡбамҭа аднакылоит Аҩны шкәакәа аҟынтәи апрезидент-ихаҭыԥуаҩ идәылгаразы. ԥшьынҩажәи жәахатәи ареис аҟны апассаџьырцәа рыбжьара аилаҩынтра ҟалеит. Напышьашәала еилалеит ацәгьауцәеи апассаџьырцәа гәыԥҩыки. United Airlines ареис 93 каҳауеит 129 км. аҿы. Питтсбург, алада-мрагыларатәи Пенсильваниа. Изларҳәо ала, иара хықәкыс иаман Капитолиа, ма Аҩны шкәакәа рхыбрақәа рырбгара. Аха, уаанӡа, имҵадырсхьаз аҳаирпланқәа ртәы заҳахьаз апассаџьырцәа ацәгьауцәа рыгәҭакы иахьырмыгӡеит. Ауаа рҿагылара рылымшозшәа анырба, атеррористцәа алаинер адгьыл ахь ахы рханы идәықәырҵеит. Amerikan Airlines ишьақәнарӷәӷәеит ҩ-ҳаирпланк шацәыӡыз. Сааҭк аҩныҵҟала United Airlines убасгьы адырра ҟанаҵеит даргьы ҩ-лаинерк шырцәыӡыз ала.https://www.rbc.ru/society/11/09/2011/5703ebf99a79477633d379cc Еициз абаашқәа реилаҳара Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны 2001 шықәса, цәыббрамза 11 рзы иҟалаз ахҭысқәа зхызгаз, урҭ ргәалашәараҿы иаанхоит наунагӡа. «Абаашқәа еилаҳар ҟалоит ҳәа аӡәгьы ихахьы изаагомызт. Дарбанзаалак Америка ииз, аҳәаанырцәынтә иааз рзгьы, арҭ абаашқәа наунагӡа ԥсра рықәым ҳәа ирыԥхьаӡон», - ҳәа азгәеиҭоит Џьонатан Вахтел. Раԥхьатәи аҳаирплан аҩадатәи абааш ианажәла, амца анакы, ауаа иаразнак аԥенџьырқәа рҟынтәи аԥара иалагеит. Урҭ аԥара иаҿын абааш зынӡа еилаҳаанӡа. Ауаа хыхьынтәи иԥон амцабз, алҩа иацәыбналаны, аҭуанқәа аԥҽра ианалага, рыҵаҟа адашьма рыҵаԥҽуа ианалага. Иԥон, иԥсаанӡа ҳауак лбаардарц. Ауаа каҳауан хыхьынтәи ахыбра аԥшьганк рҟынтәи. Сааҭки бжаки иреиҳаны ауаа аԥенџьырқәа рҟынтәи аԥара иаҿын. Усҟантәи аамҭаз иҟаҵаз афотосахьаҿы иубоит хҩык еишьҭагыланы аҳауа ишалоу апарашиутистцәа раҳасабала.https://www.gazeta.ru/social/2019/09/11/12641899.shtml Ахаҳәмҿыхә аҵаҟа ҩажәа сааҭ инеиҳаны иаҵажьын ахацәа – асержант Џьон Мак Лафлин иҟынӡа абылраусзуҩцәа ашьыжь цәыббрамза жәаҩа рзы ауп ианнеиз. Агоспиталь аҟны аҳақьымцәа акагь ҳалшом рҳәеит – убри аҟара ааха ӷәӷәа иман иара. Анаҩс Џьон фымчыбжьа ихизымдыруа дыҟан, ҩажәи жәаба рҟынӡа аԥҟарақәа ихигеит. Акыршықәсатәи атерапиа ашьҭахь ишьапы дықәгылеит. Адунеизегьтәи ахәҳахәҭратә центр аԥҽыхақәа ирыҵыргаз рахьтә, Џьон Мак Лафлин дҵыхәтәантәиуп. Ашәарҭара ӷәӷәа иҭагылан аиқәырхаҩцәагьы – ауаа алыргарц азыҳәан рыԥсҭазаара еигӡомызт. Аладатәи абааш аҟны ауаа ахаҳә дуқәа зҿажьыз амардуан ала илбаауан. «Иуаҳауан ауаа рқьыбжьы, реимҳәабжьы. ԥҳәыск лнапы, лшьапы ашьа ахьыжжы днеиуан. Адашьмаҟны лшьала лшьапышьҭақәа аанлыжьуан.Сара сҽазысшәон схы снапаҿы аагара», – еиҭалҳәоит ари ахыбраҿы аус зуаз аԥҳәыс. Уи илыцызгьы ларгьы амҩаду ахь ацәырҵра рылшеит.https://veved.ru/events/150376-19-let-nazad-terroristy-unichtozhili-bashni-bliznecy-v-nju-jorke.html Ҩажәижәаба шықәса зхыҵуаз Маикл Раит иакәзар, атеракт аныҟалаз аамҭазы Адунеизегьтәи Ахәҳахәҭратә центр Аҩадатәи абааш ԥшьынҩажәиактәи аихагылаҿы дыҟан. Ахаҵа иажәақәа рыла, азныказ ахыбра аагарыгаҽеит – иара ауадаҟынтәи дандәылыԥш ибеит амца. Иара убас адашьма аиҟәышьшьара иалагеит, алифт азааигәара иҟаз ахолл еилыбгахьан, зехьынџьара алҩа хачылан. Маикл иколлегацәеи иареи ҵаҟа албаара ишаҿыз ҩынҩажәатәи аихагылаҿы ирԥылеит амцарцәаҩцәа. Дара илбааларц ирабжьаргеит. Аҩажәатәи аихагылаҟынӡа ианнеи ирбеит зехьынџьара иԥсны ишкажьыз жәаҩыла ауаа. Ахыбра аилаҳара иалагеит Раит иколлегацәеи иареи адәылҵырҭа ианазааигәаха. Асаба еилачны игылаз аҳауа ареиқәаҵәеит. Маикл адәахьы ддәылигеит амцарцәаҩ, уи идыруан еиқәхаз ашәҟәыҭирҭа ахыбара ала амҩахь ушцәырҵуаз. Атрагедиа амш аҽны Ниу-Иорк дыҟан Александр Братерски, уажәы – «Газета.Ru» аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ. Иара илақәа рыла ибеит ихлымӡаахыз урҭ асааҭқәа рзы ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа. «Ашьыжь шаанӡа сара аметро сҭан, егьырҭ апассаџьырцәеи сареи ахыбра дуқәа руак аҟны амцабз ҳбеит. Ҳара авагон аҟынтәи ҳҭыргеит – аҳаирплан абааш ишажәлаз атәы аполициа аусзуҩцәа рҟынтәи ауп ишҳаҳаз. Ҳара иаразнак ҳгәы иаанагеит ари терактуп ҳәа. Сара иаразнак адәаҿы игылаз атаксофон ахь сеихеит, усҟан аус ахьызуаз «Наше радио» аефирахь аҭыҵразы», – иҳәоит Братерски. Ахҳәааҟаҵаҩ игәалаиршәоит рыкәшамыкәша ауаа шәаҟьаны ишыҟаз. «Ирацәаҩын иҵәыуоз, аполициа аусзуҩцәа ҳәҳәон, ауаа ақалақь иалҵны Ниу-Џьерсиҟа ицаларц. Урысшәала сышцәажәоз заҳаз ӡӷабк снапы аанылкылеит. Лара Украинантәи даазаап. Уи дҵәыуон, иҟалҵоз дақәшәомызт. Нас акафе аҟынӡа дназгеит, уаҟа ауаа еизаны телевизорла абаашқәа шеилаҳауаз иахәаԥшуан», – иҳәоит Братерски. Цәыббрамза 11 рзы атеракт иахҟьаны иҭахеит 2977-ҩык: 246-ҩык апассаџьырцәеи аҳаирплан аекипажи, 2606-ҩык – Ниу-Иорк, Адунеизегьтәи Ахәҳахәҭратә Центр аҿы, 125-ҩык – Пентагон ахыбраҿы. Иҭахеит Америкеи даҽа 91 ҳәынҭқарреи ртәылауаа. Аиқәырхаратә усурақәа раан иҭахеит, иара убас, 341-ҩык амцарцәаҩцәеи, 60-ҩык аполициа аусзуҩцәеи, ааҩык ацхыраара ласы аузуҩцәеи. 2002 шықәса раахыс США амзарқәа рҿы цәыббрамза 11 арбоуп Апатриот имш ҳәа. 2009 шықәса раахыс ари арыцхә убасгьы иԥхьаӡоуп Амаҵзуреи агәаларшәареи рзеиԥшмилаҭтә мшны. 2011 шықәсазы Ниу-Иорк ирбгаз ахыбрақәа рҭыԥ аҿы игылоу Адунеизегьтәи Ахәҳахәҭратә центр амемориал, ашьапаҟны ишьҭоу ахаҳәцәы иануп иҭахаз рыхьӡқәа.https://quote.rbc.ru/news/article/5f5602839a79473dd7d7ce5f Азгәаҭақәа Акатегориа:Еиду Америкатәи Аштатқәа Акатегориа:Цәыббрамза 11 Акатегориа:2001 шықәсазы ицәырҵит
37738
https://ab.wikipedia.org/wiki/Елцин,_Борис_Николаи-иԥа
Елцин, Борис Николаи-иԥа
{{Акарточка аполитик}} '''Борис Николаи-иԥа Елцин''' ({{lang-ru|Борис Николаевич Ельцин}}; {{date|1|2|1931}}, [[Бутка]], [[Урыстәылатәи СФСР]], [[СССР]] — {{date|23|4|2007}}, [[Москва]], [[Урыстәыла]]) — асоветтәи, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы. Урыстәылатәи Афедерациа Актәи ахада (1991–1999 шш. рзы). КПСС алахәыла (1961–1990 шш. рзы). Аҭоурых данылеит Урыстәыла ахадас жәлары зегьы иалырхыз иакәны, уи иоуп Урыстәыла ауаажәларра-политикатәи аекономикатәи шьақәгылашьа шьаҭанкыла еиҭазкыз. Борис Ельцин 1993–1999-тәи ашықәсқәа раантәи инапхгараҭара аамҭа Иреиҳаӡоу Ахеилаки, априватизациеи, Акомпартиа аҿагыларақәеи, аимпичментқәа рзы аԥышәарақәеи, Чечентәыла аибашьра алагареи (1994), иара убасгьы1998 шықәса рзтәи адефолти рыла иалкаауп. Борис Ельцин инысмҩа аҟны ирацәоуп аинтерес зҵоуи еиҿагылоуи афактқа.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/domestic_history/text/3089465 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2022-10-10 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221010102005/https://bigenc.ru/domestic_history/text/3089465 |url-status=dead }}</ref> == Ельцин инысмҩа == Борис Ельцин диит февраль мза аказы, 1931 шықәсазы, Свердловтәи аобласт, ақыҭа Бутка аҟны. Борис иаб, Николаи Игнати-иԥа Ельцин, аус иуан ргылаҩыс, иан, Клавдиа Васили-иԥҳа, дҭеразын. Ельцин иаб арепрессиақәа дрықәшәеит, урҭ ирыхҟьаны Волго-Донтәи аканал аргыларахь мчыла ддәықәҵан. Ельцин иаб хара имамкәаны ахьырхәра ихигонаҵы, иара иԥҳәыси иԥа Бориси ицҭакыз аҳақьым иԥҳәыс илыдкыланы илыман. Николаи Ельцин иҿҳәара аанӡа доужьын, дгьежьуеит иҭаацәа рахь, уа анаҩс диуеит аҩбатәи аҷкәын Михаил, Борис иашьа еиҵбы.<ref>https://yeltsin.ru/news/biografiya-boris-nikolaevich-elcin-prezident-rossii-19911999/</ref> == Ахәыҷра ашықәсқәеи ақәыԥшра аамҭеи == Борис Ельцин ихәыҷра зегьы ақалақь ду Березники, Пермтәи аобласт аҟны ихигеит. Ашкол аҟны аҵара аниҵоз иара акласс аҟны аҵаҩцәа зегьы даарылукаауа дыҟан. Иҟан ахҭыс, аҷкәын акласстә напхгаҩы данылҿагыла, уи ашколхәыҷқәа лыпҟон, иара убасгьы, аҵара ззымҵоз лыҩныҟа иганы аус длыруан. Ари ахҭыс иахҟьаны Борис Ельцин ашкол дҭырцарц акгьы игымхеит. Аха, иара акомҿар ақалақьтә хеилак дадҵаалоит, аиашагьы шьақәиргылоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа Ельцин иԥсҭазаара зегьы аԥхьаҟатәи инысмҩагьы анырра ӷәӷәа анаҭазар алшоит. Ашколтә аттестат аниоу ашьҭахь, Борис Ельцин дҭалоит Уралтәи аполитехникатә институт аргыларатә факультет. Астудентә шықәсқәа раан иара аспорт даара дазҿлымҳахоит, анапылампыл дыхәмаруан, аҵыхәтәангьы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоууеит.<ref>https://obrazovaka.ru/alpha/y/elcin-boris-nikolaevich-yeltsin-boris-nikolayevich</ref> Аинтерес зҵоу фактуп, Борис Ельцин анацәа дуи арбага нацәеи шимамызгьы, анапылампыл даара ибзианы дыхәмаруан, ақалақь еизгоу акоманда аилазаараҟны дыҟан. Уи агра иахҟьаны Ельцин арра дрымгеит. Аҵара даналга, иара еиуеиԥшым азанааҭқәа рҵара иҽазишәоит, уи имаз адимлом алшара шинаҭозгьы анапхгараҭаратә ҭыԥ аанкыларазы. Анаҩстәи ҩышықәса, аԥхьаҟа Урыстәыла ахадас иҟалараны иҟаз Ельцин, ихатәымчқәа рыла аргылараҿы прорабс дҟалартә иҟаиҵоит, анаҩс Свердловсктәи аҩныргыларатә комбинат анапхгаҩыс дарҭоит. Уи инаҷыданы Борис Ельцин аполитикагьы дазҿлымҳахоит, уи иабзоураны апартиатә ԥхьагылараҿгьы амҩа изаатуеит. 70-тәи ашықәсқәа рзы иара идыргалоит КПСС Свердловсктәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ. Анаҩс, Борис Ельцин ибиографиа аҟны даҽа еиҭакра дук ҟалоит, иара Агәҭантәи апартиа Ахеилак далахәылахоит.<ref>https://historynotes.ru/boris-nikolaevich-elcin/{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=August 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> == Акариера == Борис Николаи-иԥа Ельцин Свердловск аиҭашьақәыргылара ахырхарҭаҟны даара аихьӡара дуқәа ааирԥшит. Иара инапхгарала амҩаду хада ашьҭаҵара мҩаԥысуан, иргылан аҩнеихагыла дуқәа аусзуҩцәа рзы, иара убасгьы, анаплакқәа аԥҵан. Иаарласны аргылара хыркәшан 23 еихагыла змаз КПСС аобласттә комитет ахыбра, ари аргылара ақалақь аҟны зегь реиҳа иҳаракыз хыбран. Ельцин аметрополитен аргылара алагара аус аҟынгьы илагала дууп, иара иоуп изыбзоуроу ари апроект алагаразы аиҳабыра рақәыршаҳаҭра. Убри анаҩсгьы, Свердловск афатәаалыҵла аиқәыршәара даараӡа еиӷьхеит. Аинтерес зҵоу фактуп, апартиатә усура аҟны акыр аихьӡарақәа зауз аполковник ҳәа арратә хьӡы ахьихҵаз.<ref>https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/ieltsin-boris-nikolaievich</ref> 1985 шықәсазы Борис Ельцин аусура Москваҟа диаргоит, уа иара еиуеиԥшым апроектқәа аус рыдиулоит, Асовет Еидгыла зегьы аҳаракыра аҟны. Аҟазара злаз аполитик Москваа ргәы дақәшәо дшыҟалахьазгьы, аус ицызуаз рацәак датәарбомызт, акырнтәгьы иусқәа рхырбгалара рҽазыршәахьан. Ельцин партиак ицалази иареи рыбжьара ари «аибашьра хьшәашәа» игәы аныԥнаҵәа, дара русура ажәлар рҿаԥхьа акритика азиуит апленумқәа руак аҟны, насгьы иаахтны иҳәеит дара Горбачиов еиҭашьақәыргылара ишаҿагыло. Абри ашьҭахь аиҳабыра рхаҭарнакцәа критикатә ҭак изыҟарҵеит Борис Ельцин. Уи аҟны дара адгылара риҭеит Михаил Горбачиов, агәрагьы диргеит аполитик апартиатә усқәа дшырҟәыҭхахо азы. Усҟан аӡәгьы ихахьы изаагомызт, шықәсқәак рнаҩс Ельцин аполитикатә арена аҟны акрызҵазкуа хаҿхоит ҳәа. 1989 шықәсазы уи Москватәи аокруг ала СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, аҳҭнықалақь 91% ауааԥсыра рҟынтә адгыларагьы иоуит. Ԥыҭрак ашьҭахь, уи РСФСР апрезидент иҭыԥ ааникылоит.<ref>https://tass.ru/encyclopedia/person/elcin-boris-nikolaevich</ref> == Урыстәыла апрезидент == 1991 шықәса август 19 рзы СССР аҳәынҭқарратә хҳәаразы ашьаҿақәа рымҩаԥгара аан, «августтәи апутч» ҳәа еицырдыруа аан, Михаил Горбочиов имчра зегьы ицәыӡит, уи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә хеилак алахәылацәа рнапаҿы иҟалеит. Усҟан Ельцин ахаԥшьгаратә акомитет азы оппозициахеит, уи апланқәа рынагӡарагьы алимыршеит. Аҵыхәтәаны Борис Ельцин Урыстәыла актәи ахадас дагьыҟалоит, ари амаҵзура аҟны иҟазаара аан иара еицырдыруа Беловежтәи аиқәышаҳаҭра инапы аҵаиҩит, уи иаанагоз СССР ахырбгалара акәын. Урыстәыла Борис Ельцин инапхгараҭарала даара аҭагылазаашьа уадаҩын. Зегь реиҳа иҟаҵаз гха дуун Чечентәыла аибашьра ахацыркра.<ref>https://ria.ru/20100423/225827648.html</ref> Борис Ельцин ари арратә конфликт аанкылара иҽазишәеит, аха иара иҽазышәарақәа лҵшәадахеит. Аибашьра аанкылара зылшаз уи инаҩс Урыстәыла ахадас иалхыз Владимир Путин иоуп. Иара иоуп аҭынчра ашьақәыргылара зылшаз, 2001 шықәсазы. Борис Ельцин акыр ареформақәа мҩаԥигеит аҩныҵҟатәи аполитика ахырхарҭаҟны, иара убасгьы иҽазишәеит мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы. Акомпромисс аԥшааразы азин ҟаиҵеит Польшеи, Чехиеи, Словакиеи НАТО арратә базақәа рыргылара азы. Иара илшоз зегьы ҟаиҵон Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра рҟны аилибакаара ашьақәыргыларазы, уи ахадас усҟан дыҟан Билл Клинтон. Борис Ельцин ипрезидентра аамҭазы ихымҩаԥгашьа, иарбан шьаҿақәоу идикылараны дыҟаз аилкаара даара иуадаҩын. Иара ауааԥсыра рҿаԥхьа еиуеиԥшымкәа ихы мҩаԥигон, ианааиҭаххоз ашәа иҳәар, мамзаргьы дкәашар илшон, мамзаргьы ижәны ауаа рахь дцәырҵыр ҟалон. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа ауаа лафк аҳасаб ала ирыдыркылон. 1996 шықәсазын, Борис Ельцин атәыла ахадас аҟаларазы икандидатура ақәыргылара игәы иҭамызт, аха алхрақәа дрылахәхеит акоммунистцәа аиааира рзымгарц азы.<ref>https://24smi.org/celebrity/3549-boris-eltsin.html</ref> Алхраԥхьатәи акомпаниа аан ицәажәара абас еиԥш ишьақәгылан: «Убжьы аҭа, мамзаргьы уаҵахоит» ҳәа. Иара аӡәырҩы артистцәа адгылара ирҭон, урҭ рыбжьара иҟан Алла Пугачиова, Игор Николаев, Лиудмила Гурченко, Константин Кинчев уҳәа аӡәырҩы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, Борис Ельцин иреитинг 3% инаркны 35% рҟынӡа ишьҭыҵит. Абжьаҭара актәи аиндаҭлара ашьҭахь Борис Ельцин аинфаркт ихьуеит, аполитик игәы иазымычҳаит ари аҟара агәҭынчымрақәа. 1996 шықәсазтәи алхрақәа раан Борис Ельцин иоппонент хада Геннади Зиуганов дииааиуеит, уи алшара инаҭоит даҽазныкгьы аҳәынҭқарра ахадас аҟаларазы. Уи хықәкысгьы ишьҭихуеит урыстәылатәи аекономика ашьҭыхра, насгьы акыр ареформақәа рымҩаԥгара асоциалтә хырхарҭа ала. Борис Николаи-иԥа Ельцин иҭахын атәылаҟны акоррупциа шьаҭанкыла ақәхра, аҳәынҭқарра абиуџьет аусзуҩцәа рганахьала иақәыз ауалқәа ршәара, абизнес маҷ ацхраара уҳәа реиԥш иҟаз акыр аидеиақәа аԥсҭазаара аларҵәара.<ref>http://www.panorama.ru/gov/gov20036.shtml</ref> Аха, Борис Ельцин игәабзиара есҽны еицәахон. 1996 шықәсазы иара игәы аԥҟара мҩаԥган, убри аҟынтә уи аамҭазы ироль неигӡон Урыстәыла ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵаз Виктор Черномырдин. 1998 шықәсазы адунеи аҿы афинанстә кризис аҭыԥ змаз, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа раасҭагьы уи ахҟьаԥҟьақәа даара ианыԥшит. Акризис даара иуадаҩыз аинфлиациахь икылнагеит. Борис Ельцин илшоз зегь ҟаиҵон Урыстәыла еиламҳарц. Иара аҩажәатәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи амшынӡа аҳәынҭқарра дуӡӡа ахадас дыҟан, декабр мза 31, 1999 шықәса рзы ихала ԥхьатәара дцаанӡа. Ауаажәларра рахь иҟаиҵаз ааԥхьара ҭызхуаз ателеоператор иажәақәа рыла, ажәахә ашьҭахь, Борис Ельцин уажәшьҭа ԥыхьатәи атәыла ахадас иҟаз, аамҭаказы ҿымҭкәан дтәан, уи аан илаӷырӡқәа иҿаланы ицон. Борис Ельцин ԥхьатәара ицара аамҭазы Урыстәыла ауааԥсыра рахьтә ахԥатәи ахәҭа ибзианы изыҟамызт. Ажәлар иара ахара идырҵон Урыстәыла ахьеилаижьыз азы, насгьы егьырҭ арыцҳарақәа рзынгьы. Апрезиденттә ҭыԥ анаанижь ашьҭахь Борис Ельцин агәыҳалалра инапы алеикуеит, уи азын иаԥиҵоит ихатәы фонд.<ref>https://www.prlib.ru/history/618999</ref> == Ельцин инапы зҵеиҩыз аусԥҟақәа == 1991 шықәса, ииуль мзазы Борис Ельцин инапы аҵеиҩуеит аполитикатә партиақәа реиҿкааратә еилазаарақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рмассатә, уаажәларратә ҵысрақәеи, РСФСР аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русура аанкыларази аусдҵақәа. Август 19 рзы СССР аҳәынҭқарратә еиҭасра аан Борис Ельцин Урыстәыла ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Урыстәыла аиҳабыра иаарласны ирыдыркылаз аусқәа апутчистцәа рыпланқәа хнарбгалеит. Ажәлари аруааи рыдгылара ҵыргәас иҟаҵаны, Борис Ельцин илшеит атәыла амҽхак ду змаз, Урыстәыла аграждантә еибашьрахьы икылызгарц алшоз апровокациа аҟынтә ахьчара. Август 23, 1991 шықәсазы РСФСР Иреиҳаӡоу Асессиа аҟны Борис Ельцин аусԥҟа инапы аҵеиҩуеит РСФСР Акомпартиа аиужьразы, ноиабр мза 6 рзы, иара убри ашықәс, Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны РСФСР Акоммунисттә партиеи КПСС-и реилазаарақәа русуреи, насгьы рмаза амилаҭркреи аанкылан. Декабр мза 8, 1991 шықәсазы Борис Ельцини Леонид Кравчуки, Станислав Шушкевичи рнапы аҵарҩит Белоруссиеи, Урыстәылеи, Украинеи Беловежтәи аиқәышаҳаҭра, уи иазԥхьагәанаҭон СССР аԥыхра, насгьы уи ахаҭыԥан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара (СНГ) аԥҵара. Ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла ахада Ельцин ианар мза 2, 1992 шықәса инаркны ахәқәа рлиберализациа ашьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Ианар мза 1992 шықәсазы, иара убасгьы, «Зых иақәиҭу ахәаахәҭразы» аусԥҟа анапы аҵаҩын.<ref>https://yeltsin.ru/archive/inventory/16/</ref> 1993 шықәса, март 20 рзы Борис Ельцин аусԥҟа инапы аҵеиҩит, 1993 шықәса апрель 25 рзы Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иахь агәрагаразы ареферендум амҩаԥгаразы. Урыстәылазегьтәи ареферендум мҩаԥган иазгәаҭаз арыцхә аҽны. Алхратә сиа ианын 107 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа. Ареферендум рхы аладырхәт 64,5% алхыҩцәа. Ареферендум алҵшәа хадақәа – Борис Ельцин имҩаԥигоз акурс адгылара аҭара акәын. 1994 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла анапхгара Чечентәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи аусқәа хацнаркит – иалагоит актәи ачечентә еибашьра.<ref>https://ria.ru/20120423/627376907.html</ref> 1996 шықәсазы аиҭарҿиара азы апрограмма ҿыц аус адулара иалагаз апрезидент Ельцин, имҩаԥигеит аминистрцәа реилазаара аиҭеиҿкаара. 1996 шықәса ианар–апрель мзақәа рзы апрезидент акыр аусдҵақәа инапы рыҵеиҩит, урҭ ззырхаз абиуџьет амаҵ азызуаз аусзуҩцәа зегьы руалафахәы рызшәареи, атәанчаҩцәа акомпенсациатә шәарақәа рзыҟаҵареи ракәын. Иара убасгьы, акыр аусқәа мҩаԥган Чечентәылатәи аибашьра иадҳәалаз апроблема аӡбаразы. Декабр мза 31, 1999 шықәсазы Борис Николаи-иԥа Ельцин ԥхьатәара дышцо рылеиҳәеит, уи азынгьы «Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент инапынҵақәа рынагӡаразы» аусԥҟа инапы аҵеиҩит.<ref>http://www.historyru.com/docs/rulers/yeltsin/yeltsin-developments.html#/overview</ref> == Ахатәы ԥсҭазаара == Борис Ельцин аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Наина Иосиф-иԥҳа Ельцинеи иареи еибадырит астуденттә шықәсқәа раан. Адиплом аниоу ашьҭахьҵәҟьа, арԥыс аԥҳәызба ажәа лниҵоит, ларгьы иаразнак дақәшаҳаҭхоит. Иаарласны Ельцинаа рҭаацәа аҟны ииуеит аӡӷабцәа – Еленеи Татианеи. Анаҩс, арҭ аԥҳацәа ирыхшоит фҩык ахәыҷқәа. Амаҭацәа рахьтә зегь реиҳа деицырдыруа дҟалеит Борис захьӡыз, уи аамҭак азы урыстәылатәи акоманда «Формула-1» амаркетинг азы адиректорс дыҟан. Аинтерес зҵоу фактуп, иара иашьа Глеб, Адаунцәа рсиндром змаз, иқәыԥшра ашықәсқәа рзын, зылшарақәа ԥку рыбжьара аӡсаразы Европа дахьачемпионхаз.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-boris-elcin.html</ref> == Аԥсра == Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Борис Ельцин агәыхь бааԥсы иман. Уи анаҩсгьы иара акыр арыжәтә џьбарақәа иҽрыдицалон, уигьы, ҳәарада, зынӡа игәабзиара иазеиӷьмызт. 2007 шықәсазы ԥасатәи апрезидент авирустә ҿкы иахҟьаны игәабзиара ахьыуашәшәырахаз иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәоит. Аҳақьымцәа аҳәамҭа ҟарҵеит уи иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам ҳәа, аха ҩымчыбжьа ааҵхьаны Борис Николаи-иԥа Ельцин иԥсҭазаара далҵуеит. Ари ҟалеит апрель 23, 2007 шықәсазы, усҟан 76 шықәса дырҭагылан. Официалла иԥсра зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭан игәы аангылара. Ельцин иԥсыжра ацеремониа ателеканалқәа рыла иддырбон. Анышә дамардеит Новодевичиетәи аԥсыжырҭа аҟны.<ref>https://lenta.ru/news/2007/04/23/eltsin1/</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Урыстәыла президентцәа]] [[Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикцәа]] [[Акатегориа:1931 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Жәабранмза 1 рзы ииз]] [[Акатегориа:2007 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Мшаԥымза 23 рзы иԥсыз]]
Борис Николаи-иԥа Елцин (; , Бутка, Урыстәылатәи СФСР, СССР — , Москва, Урыстәыла) — асоветтәи, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы. Урыстәылатәи Афедерациа Актәи ахада (1991–1999 шш. рзы). КПСС алахәыла (1961–1990 шш. рзы). Аҭоурых данылеит Урыстәыла ахадас жәлары зегьы иалырхыз иакәны, уи иоуп Урыстәыла ауаажәларра-политикатәи аекономикатәи шьақәгылашьа шьаҭанкыла еиҭазкыз. Борис Ельцин 1993–1999-тәи ашықәсқәа раантәи инапхгараҭара аамҭа Иреиҳаӡоу Ахеилаки, априватизациеи, Акомпартиа аҿагыларақәеи, аимпичментқәа рзы аԥышәарақәеи, Чечентәыла аибашьра алагареи (1994), иара убасгьы1998 шықәса рзтәи адефолти рыла иалкаауп. Борис Ельцин инысмҩа аҟны ирацәоуп аинтерес зҵоуи еиҿагылоуи афактқа. Ельцин инысмҩа Борис Ельцин диит февраль мза аказы, 1931 шықәсазы, Свердловтәи аобласт, ақыҭа Бутка аҟны. Борис иаб, Николаи Игнати-иԥа Ельцин, аус иуан ргылаҩыс, иан, Клавдиа Васили-иԥҳа, дҭеразын. Ельцин иаб арепрессиақәа дрықәшәеит, урҭ ирыхҟьаны Волго-Донтәи аканал аргыларахь мчыла ддәықәҵан. Ельцин иаб хара имамкәаны ахьырхәра ихигонаҵы, иара иԥҳәыси иԥа Бориси ицҭакыз аҳақьым иԥҳәыс илыдкыланы илыман. Николаи Ельцин иҿҳәара аанӡа доужьын, дгьежьуеит иҭаацәа рахь, уа анаҩс диуеит аҩбатәи аҷкәын Михаил, Борис иашьа еиҵбы.https://yeltsin.ru/news/biografiya-boris-nikolaevich-elcin-prezident-rossii-19911999/ Ахәыҷра ашықәсқәеи ақәыԥшра аамҭеи Борис Ельцин ихәыҷра зегьы ақалақь ду Березники, Пермтәи аобласт аҟны ихигеит. Ашкол аҟны аҵара аниҵоз иара акласс аҟны аҵаҩцәа зегьы даарылукаауа дыҟан. Иҟан ахҭыс, аҷкәын акласстә напхгаҩы данылҿагыла, уи ашколхәыҷқәа лыпҟон, иара убасгьы, аҵара ззымҵоз лыҩныҟа иганы аус длыруан. Ари ахҭыс иахҟьаны Борис Ельцин ашкол дҭырцарц акгьы игымхеит. Аха, иара акомҿар ақалақьтә хеилак дадҵаалоит, аиашагьы шьақәиргылоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа Ельцин иԥсҭазаара зегьы аԥхьаҟатәи инысмҩагьы анырра ӷәӷәа анаҭазар алшоит. Ашколтә аттестат аниоу ашьҭахь, Борис Ельцин дҭалоит Уралтәи аполитехникатә институт аргыларатә факультет. Астудентә шықәсқәа раан иара аспорт даара дазҿлымҳахоит, анапылампыл дыхәмаруан, аҵыхәтәангьы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоууеит.https://obrazovaka.ru/alpha/y/elcin-boris-nikolaevich-yeltsin-boris-nikolayevich Аинтерес зҵоу фактуп, Борис Ельцин анацәа дуи арбага нацәеи шимамызгьы, анапылампыл даара ибзианы дыхәмаруан, ақалақь еизгоу акоманда аилазаараҟны дыҟан. Уи агра иахҟьаны Ельцин арра дрымгеит. Аҵара даналга, иара еиуеиԥшым азанааҭқәа рҵара иҽазишәоит, уи имаз адимлом алшара шинаҭозгьы анапхгараҭаратә ҭыԥ аанкыларазы. Анаҩстәи ҩышықәса, аԥхьаҟа Урыстәыла ахадас иҟалараны иҟаз Ельцин, ихатәымчқәа рыла аргылараҿы прорабс дҟалартә иҟаиҵоит, анаҩс Свердловсктәи аҩныргыларатә комбинат анапхгаҩыс дарҭоит. Уи инаҷыданы Борис Ельцин аполитикагьы дазҿлымҳахоит, уи иабзоураны апартиатә ԥхьагылараҿгьы амҩа изаатуеит. 70-тәи ашықәсқәа рзы иара идыргалоит КПСС Свердловсктәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ. Анаҩс, Борис Ельцин ибиографиа аҟны даҽа еиҭакра дук ҟалоит, иара Агәҭантәи апартиа Ахеилак далахәылахоит.https://historynotes.ru/boris-nikolaevich-elcin/ Акариера Борис Николаи-иԥа Ельцин Свердловск аиҭашьақәыргылара ахырхарҭаҟны даара аихьӡара дуқәа ааирԥшит. Иара инапхгарала амҩаду хада ашьҭаҵара мҩаԥысуан, иргылан аҩнеихагыла дуқәа аусзуҩцәа рзы, иара убасгьы, анаплакқәа аԥҵан. Иаарласны аргылара хыркәшан 23 еихагыла змаз КПСС аобласттә комитет ахыбра, ари аргылара ақалақь аҟны зегь реиҳа иҳаракыз хыбран. Ельцин аметрополитен аргылара алагара аус аҟынгьы илагала дууп, иара иоуп изыбзоуроу ари апроект алагаразы аиҳабыра рақәыршаҳаҭра. Убри анаҩсгьы, Свердловск афатәаалыҵла аиқәыршәара даараӡа еиӷьхеит. Аинтерес зҵоу фактуп, апартиатә усура аҟны акыр аихьӡарақәа зауз аполковник ҳәа арратә хьӡы ахьихҵаз.https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/ieltsin-boris-nikolaievich 1985 шықәсазы Борис Ельцин аусура Москваҟа диаргоит, уа иара еиуеиԥшым апроектқәа аус рыдиулоит, Асовет Еидгыла зегьы аҳаракыра аҟны. Аҟазара злаз аполитик Москваа ргәы дақәшәо дшыҟалахьазгьы, аус ицызуаз рацәак датәарбомызт, акырнтәгьы иусқәа рхырбгалара рҽазыршәахьан. Ельцин партиак ицалази иареи рыбжьара ари «аибашьра хьшәашәа» игәы аныԥнаҵәа, дара русура ажәлар рҿаԥхьа акритика азиуит апленумқәа руак аҟны, насгьы иаахтны иҳәеит дара Горбачиов еиҭашьақәыргылара ишаҿагыло. Абри ашьҭахь аиҳабыра рхаҭарнакцәа критикатә ҭак изыҟарҵеит Борис Ельцин. Уи аҟны дара адгылара риҭеит Михаил Горбачиов, агәрагьы диргеит аполитик апартиатә усқәа дшырҟәыҭхахо азы. Усҟан аӡәгьы ихахьы изаагомызт, шықәсқәак рнаҩс Ельцин аполитикатә арена аҟны акрызҵазкуа хаҿхоит ҳәа. 1989 шықәсазы уи Москватәи аокруг ала СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, аҳҭнықалақь 91% ауааԥсыра рҟынтә адгыларагьы иоуит. Ԥыҭрак ашьҭахь, уи РСФСР апрезидент иҭыԥ ааникылоит.https://tass.ru/encyclopedia/person/elcin-boris-nikolaevich Урыстәыла апрезидент 1991 шықәса август 19 рзы СССР аҳәынҭқарратә хҳәаразы ашьаҿақәа рымҩаԥгара аан, «августтәи апутч» ҳәа еицырдыруа аан, Михаил Горбочиов имчра зегьы ицәыӡит, уи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә хеилак алахәылацәа рнапаҿы иҟалеит. Усҟан Ельцин ахаԥшьгаратә акомитет азы оппозициахеит, уи апланқәа рынагӡарагьы алимыршеит. Аҵыхәтәаны Борис Ельцин Урыстәыла актәи ахадас дагьыҟалоит, ари амаҵзура аҟны иҟазаара аан иара еицырдыруа Беловежтәи аиқәышаҳаҭра инапы аҵаиҩит, уи иаанагоз СССР ахырбгалара акәын. Урыстәыла Борис Ельцин инапхгараҭарала даара аҭагылазаашьа уадаҩын. Зегь реиҳа иҟаҵаз гха дуун Чечентәыла аибашьра ахацыркра.https://ria.ru/20100423/225827648.html Борис Ельцин ари арратә конфликт аанкылара иҽазишәеит, аха иара иҽазышәарақәа лҵшәадахеит. Аибашьра аанкылара зылшаз уи инаҩс Урыстәыла ахадас иалхыз Владимир Путин иоуп. Иара иоуп аҭынчра ашьақәыргылара зылшаз, 2001 шықәсазы. Борис Ельцин акыр ареформақәа мҩаԥигеит аҩныҵҟатәи аполитика ахырхарҭаҟны, иара убасгьы иҽазишәеит мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы. Акомпромисс аԥшааразы азин ҟаиҵеит Польшеи, Чехиеи, Словакиеи НАТО арратә базақәа рыргылара азы. Иара илшоз зегьы ҟаиҵон Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра рҟны аилибакаара ашьақәыргыларазы, уи ахадас усҟан дыҟан Билл Клинтон. Борис Ельцин ипрезидентра аамҭазы ихымҩаԥгашьа, иарбан шьаҿақәоу идикылараны дыҟаз аилкаара даара иуадаҩын. Иара ауааԥсыра рҿаԥхьа еиуеиԥшымкәа ихы мҩаԥигон, ианааиҭаххоз ашәа иҳәар, мамзаргьы дкәашар илшон, мамзаргьы ижәны ауаа рахь дцәырҵыр ҟалон. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа ауаа лафк аҳасаб ала ирыдыркылон. 1996 шықәсазын, Борис Ельцин атәыла ахадас аҟаларазы икандидатура ақәыргылара игәы иҭамызт, аха алхрақәа дрылахәхеит акоммунистцәа аиааира рзымгарц азы.https://24smi.org/celebrity/3549-boris-eltsin.html Алхраԥхьатәи акомпаниа аан ицәажәара абас еиԥш ишьақәгылан: «Убжьы аҭа, мамзаргьы уаҵахоит» ҳәа. Иара аӡәырҩы артистцәа адгылара ирҭон, урҭ рыбжьара иҟан Алла Пугачиова, Игор Николаев, Лиудмила Гурченко, Константин Кинчев уҳәа аӡәырҩы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, Борис Ельцин иреитинг 3% инаркны 35% рҟынӡа ишьҭыҵит. Абжьаҭара актәи аиндаҭлара ашьҭахь Борис Ельцин аинфаркт ихьуеит, аполитик игәы иазымычҳаит ари аҟара агәҭынчымрақәа. 1996 шықәсазтәи алхрақәа раан Борис Ельцин иоппонент хада Геннади Зиуганов дииааиуеит, уи алшара инаҭоит даҽазныкгьы аҳәынҭқарра ахадас аҟаларазы. Уи хықәкысгьы ишьҭихуеит урыстәылатәи аекономика ашьҭыхра, насгьы акыр ареформақәа рымҩаԥгара асоциалтә хырхарҭа ала. Борис Николаи-иԥа Ельцин иҭахын атәылаҟны акоррупциа шьаҭанкыла ақәхра, аҳәынҭқарра абиуџьет аусзуҩцәа рганахьала иақәыз ауалқәа ршәара, абизнес маҷ ацхраара уҳәа реиԥш иҟаз акыр аидеиақәа аԥсҭазаара аларҵәара.http://www.panorama.ru/gov/gov20036.shtml Аха, Борис Ельцин игәабзиара есҽны еицәахон. 1996 шықәсазы иара игәы аԥҟара мҩаԥган, убри аҟынтә уи аамҭазы ироль неигӡон Урыстәыла ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵаз Виктор Черномырдин. 1998 шықәсазы адунеи аҿы афинанстә кризис аҭыԥ змаз, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа раасҭагьы уи ахҟьаԥҟьақәа даара ианыԥшит. Акризис даара иуадаҩыз аинфлиациахь икылнагеит. Борис Ельцин илшоз зегь ҟаиҵон Урыстәыла еиламҳарц. Иара аҩажәатәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи амшынӡа аҳәынҭқарра дуӡӡа ахадас дыҟан, декабр мза 31, 1999 шықәса рзы ихала ԥхьатәара дцаанӡа. Ауаажәларра рахь иҟаиҵаз ааԥхьара ҭызхуаз ателеоператор иажәақәа рыла, ажәахә ашьҭахь, Борис Ельцин уажәшьҭа ԥыхьатәи атәыла ахадас иҟаз, аамҭаказы ҿымҭкәан дтәан, уи аан илаӷырӡқәа иҿаланы ицон. Борис Ельцин ԥхьатәара ицара аамҭазы Урыстәыла ауааԥсыра рахьтә ахԥатәи ахәҭа ибзианы изыҟамызт. Ажәлар иара ахара идырҵон Урыстәыла ахьеилаижьыз азы, насгьы егьырҭ арыцҳарақәа рзынгьы. Апрезиденттә ҭыԥ анаанижь ашьҭахь Борис Ельцин агәыҳалалра инапы алеикуеит, уи азын иаԥиҵоит ихатәы фонд.https://www.prlib.ru/history/618999 Ельцин инапы зҵеиҩыз аусԥҟақәа 1991 шықәса, ииуль мзазы Борис Ельцин инапы аҵеиҩуеит аполитикатә партиақәа реиҿкааратә еилазаарақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рмассатә, уаажәларратә ҵысрақәеи, РСФСР аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русура аанкыларази аусдҵақәа. Август 19 рзы СССР аҳәынҭқарратә еиҭасра аан Борис Ельцин Урыстәыла ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Урыстәыла аиҳабыра иаарласны ирыдыркылаз аусқәа апутчистцәа рыпланқәа хнарбгалеит. Ажәлари аруааи рыдгылара ҵыргәас иҟаҵаны, Борис Ельцин илшеит атәыла амҽхак ду змаз, Урыстәыла аграждантә еибашьрахьы икылызгарц алшоз апровокациа аҟынтә ахьчара. Август 23, 1991 шықәсазы РСФСР Иреиҳаӡоу Асессиа аҟны Борис Ельцин аусԥҟа инапы аҵеиҩуеит РСФСР Акомпартиа аиужьразы, ноиабр мза 6 рзы, иара убри ашықәс, Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны РСФСР Акоммунисттә партиеи КПСС-и реилазаарақәа русуреи, насгьы рмаза амилаҭркреи аанкылан. Декабр мза 8, 1991 шықәсазы Борис Ельцини Леонид Кравчуки, Станислав Шушкевичи рнапы аҵарҩит Белоруссиеи, Урыстәылеи, Украинеи Беловежтәи аиқәышаҳаҭра, уи иазԥхьагәанаҭон СССР аԥыхра, насгьы уи ахаҭыԥан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара (СНГ) аԥҵара. Ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла ахада Ельцин ианар мза 2, 1992 шықәса инаркны ахәқәа рлиберализациа ашьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Ианар мза 1992 шықәсазы, иара убасгьы, «Зых иақәиҭу ахәаахәҭразы» аусԥҟа анапы аҵаҩын.https://yeltsin.ru/archive/inventory/16/ 1993 шықәса, март 20 рзы Борис Ельцин аусԥҟа инапы аҵеиҩит, 1993 шықәса апрель 25 рзы Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иахь агәрагаразы ареферендум амҩаԥгаразы. Урыстәылазегьтәи ареферендум мҩаԥган иазгәаҭаз арыцхә аҽны. Алхратә сиа ианын 107 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа. Ареферендум рхы аладырхәт 64,5% алхыҩцәа. Ареферендум алҵшәа хадақәа – Борис Ельцин имҩаԥигоз акурс адгылара аҭара акәын. 1994 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла анапхгара Чечентәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи аусқәа хацнаркит – иалагоит актәи ачечентә еибашьра.https://ria.ru/20120423/627376907.html 1996 шықәсазы аиҭарҿиара азы апрограмма ҿыц аус адулара иалагаз апрезидент Ельцин, имҩаԥигеит аминистрцәа реилазаара аиҭеиҿкаара. 1996 шықәса ианар–апрель мзақәа рзы апрезидент акыр аусдҵақәа инапы рыҵеиҩит, урҭ ззырхаз абиуџьет амаҵ азызуаз аусзуҩцәа зегьы руалафахәы рызшәареи, атәанчаҩцәа акомпенсациатә шәарақәа рзыҟаҵареи ракәын. Иара убасгьы, акыр аусқәа мҩаԥган Чечентәылатәи аибашьра иадҳәалаз апроблема аӡбаразы. Декабр мза 31, 1999 шықәсазы Борис Николаи-иԥа Ельцин ԥхьатәара дышцо рылеиҳәеит, уи азынгьы «Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент инапынҵақәа рынагӡаразы» аусԥҟа инапы аҵеиҩит.http://www.historyru.com/docs/rulers/yeltsin/yeltsin-developments.html#/overview Ахатәы ԥсҭазаара Борис Ельцин аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Наина Иосиф-иԥҳа Ельцинеи иареи еибадырит астуденттә шықәсқәа раан. Адиплом аниоу ашьҭахьҵәҟьа, арԥыс аԥҳәызба ажәа лниҵоит, ларгьы иаразнак дақәшаҳаҭхоит. Иаарласны Ельцинаа рҭаацәа аҟны ииуеит аӡӷабцәа – Еленеи Татианеи. Анаҩс, арҭ аԥҳацәа ирыхшоит фҩык ахәыҷқәа. Амаҭацәа рахьтә зегь реиҳа деицырдыруа дҟалеит Борис захьӡыз, уи аамҭак азы урыстәылатәи акоманда «Формула-1» амаркетинг азы адиректорс дыҟан. Аинтерес зҵоу фактуп, иара иашьа Глеб, Адаунцәа рсиндром змаз, иқәыԥшра ашықәсқәа рзын, зылшарақәа ԥку рыбжьара аӡсаразы Европа дахьачемпионхаз.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-boris-elcin.html Аԥсра Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Борис Ельцин агәыхь бааԥсы иман. Уи анаҩсгьы иара акыр арыжәтә џьбарақәа иҽрыдицалон, уигьы, ҳәарада, зынӡа игәабзиара иазеиӷьмызт. 2007 шықәсазы ԥасатәи апрезидент авирустә ҿкы иахҟьаны игәабзиара ахьыуашәшәырахаз иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәоит. Аҳақьымцәа аҳәамҭа ҟарҵеит уи иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам ҳәа, аха ҩымчыбжьа ааҵхьаны Борис Николаи-иԥа Ельцин иԥсҭазаара далҵуеит. Ари ҟалеит апрель 23, 2007 шықәсазы, усҟан 76 шықәса дырҭагылан. Официалла иԥсра зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭан игәы аангылара. Ельцин иԥсыжра ацеремониа ателеканалқәа рыла иддырбон. Анышә дамардеит Новодевичиетәи аԥсыжырҭа аҟны.https://lenta.ru/news/2007/04/23/eltsin1/ Азгәаҭақәа Акатегориа:Урыстәыла президентцәа Акатегориа:Урыстәылатәи аполитикцәа Акатегориа:1931 шықәсазы ииз Акатегориа:Жәабранмза 1 рзы ииз Акатегориа:2007 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Мшаԥымза 23 рзы иԥсыз
37739
https://ab.wikipedia.org/wiki/Макрон,_Еммануель
Макрон, Еммануель
{{Акарточка аполитик}} '''Еммануель Жан-Мишель Фредерик Макрон''' ({{lang-fr|Emmanuel Jean-Michel Frédéric Macron}}; {{date|21|12|1977}}, Амиен, Сомма, О-де Франс, [[Франциа]]) – франциатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, Франциа апрезидент, Франциатәи Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада лаҵарамза 14, 2017 шықәса раахыс. Вальс аҩбатәи иеиҳабыра рҟны, нанҳәамза 26, 2014 шықәса инаркны, нанҳәамза 30, 2016 шықәсанӡа, аекономикеи, ааглыхреи, ахыԥхьаӡарақәа руси рминистр. Аполитикатә партиа «Вперёд, Республика!» раԥхьатәи аԥҵаҩы (2016–2017 шш.). 2019 шықәса, ԥҳынҷкәынмза анҵәамҭазы британиатәи агазеҭ Financial Times, «ажәашықәса ахаҿы» ҳәа иӡбахә аҳәеит, ус еиԥш иалкааз 50- ҩык рыбжьара.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/5825363 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2023-01-03 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230103204214/https://bigenc.ru/world_history/text/5825363 |url-status=dead }}</ref> == Анысмҩа == Еммануель Макрон – Франциа апрезидент, уи алхрақәа рҟны аиааира игеит 2017 шықәсазы. Уаанӡа Макрон Олланд иусбарҭа аҟны аекономикеи ааглыхреи рзы аминистр иҭыԥ ааникылон, иара убасгьы аполитикатә партиа «Вперёд, Республика» аԥхьагылас дыҟан. Макрон Франциа зегьы аҭоурых аҟны зегь реиҳа иқәыԥшыз президентхеит. Иара ари аҭыԥ ааникылеит 39 шықәса анихыҵуаз. Аполитик диит ԥхынҷкәынмза 21, 1977 шықәсазы ақалақь Амиен. Е. Макрон иҭаацәа аинтеллигенциа иахаҭарнакцәан. Иаб, Жан-Мишель Макрон, аневрологиа амаҭәар даԥхьон Пикардиитәи ауниверситет аҟны, иан, Франсуаза Макрон-Ногес – дҳақьымын. Милаҭла Еммануель Макрон – дыфранцызуп. Аха, хыҵхырҭақәак ишьақәдырӷәӷәоит ауриа шьҭра имоуп ҳәа. Убри ауп изџьашьатәымгьы, иахьатәи аамҭазы ари аполитик ауриа жәлар адгылара ӷәӷәа ахьырзыҟаиҵогьы. Аполитик аерман шьагьы илоуп, иан лаб дерманын, Фредерик Масоиан иакәын.<ref>https://24smi.org/celebrity/4751-emmanuel-makron.html</ref> Еммануель Макрон данхәыҷыз иқалақь гәакьа аҿы иҟаз аиезуиттә лицеи дҭалоит, анаҩс аҵарадыррақәа иоуит Париж, Еколь Нормалтәи алицеи аҿы. Ашкол анаҩс Макрон Нантер-лиа-Дефанстәи ауниверситет далгоит, Аполитикатә ҭҵаарақәа ринститут. Ганрацәала аҿиара змаз арԥыс қәыԥш, иқәлацәа дреиԥшмызт, уи иԥсҭазаара аҟынтә ҩышықәса афилософ Поль Рикери иареи еицырзеиԥшыз аусура иазикит. 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Амилаҭтә школ администрациа аҿы аҵара иҵон.<ref>https://www.tatler.ru/heroes/brizhit-i-emmanuel-makron-istoriya-neobychnoj-lyubvi</ref> == Аполитикеи акариереи == Макрон иқәыԥшра аамҭазы апрезидент Жак Ширак иусбарҭаҿы аусура далагоит, афинансқәа ринспекторс, уа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы аус иуан. Аха, амчра аҽанаԥсах 2007 шықәсазы, Жак Аттали инапхгарала аекономика аизҳара аиӷьтәразы Акомиссиа ажәахәҟаҵаҩы ицхырааҩыс дҟалоит. 2008 шықәсазы аполитик қәыԥш аинвестициатә банктә усура инапы алеикуеит. Адырра ҵаулақәа змаз аекономист даарыԥхьоит 2008 шықәсазы абанк Rothschild & Cie Banque аҿы аусуразы. Уа Еммануил Макрон илшоит европатәи акомпаниақәа реиҭаҭиразы аусқәа рымҩаԥгара, уи алагьы ихатәы капитал акыр миллион евро рҟынӡа ашьҭыхра.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-emmanuel-makron.html</ref> Атәыла ахада иусбарҭа аусзуҩы иаҳасаб ала, 2006 шықәсазы Еммануель Макрон Асоциалисттә партиа далахәылахоит, аха уа иара хышықәса заҵәык роуп дахьаанхаз. Макрон аекономикатәи аинвестициатәи зҵаарақәа аус рыдиулон, насгьы ауаажәларра рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа дахылаԥшуан. Усҟан Франциа ахадас иҟаз Николиа Саркози иеиҳабыра алахәылас иҟазаара аамҭазы Макрон анаҩстәи алхрақәа, асоциал-демократцәа рҵысра аҟынтә акандидат Франсуа Олланд икандидатура дадгылоит. 2012 шықәсазы Макрон ирласны иполитикатә кариера шьҭыҵуа иалагеит Олланд иеиҳабыра рҟны. Иара иааирԥшуаз аихьӡарақәа рзы атәыла ахада имаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнакс дҟарҵоит, ҩышықәса ааҵхьаны, абанкир аекономика аминистрс дарҭоит. Ас еиԥш аҭыԥ аанкылара Макрон инысмҩа аҟны аҵак ду амоуп.<ref>http://www.perspektivy.info/book/emmanuel_makron_biografija_lichnost_medijnyj_obraz_2017-09-25.htm</ref> Аҭыԥ ҿыц аҟны аполитик акыр азакәан ҿыцқәа алеигалоит, алибералтә ҟазшьа змаз. 2015 шықәса рзы, акыр аимакқәа рнаҩс, аиҳабыра ирыдыркылоит «Макрон изакәан», уи ззырхаз атәылаҟны аекономика ашьҭыхра акәын, аекономика асекторқәа рыхәҭак алиберализациа рзура амҩала. Азакәан апроект атранспрт арныҟәцаҩцәеи аусуҩцәеи рыбжьара агәынамӡарақәа цәырнагеит, аха аусдкылара дуқәа знапы алакыз рзын ас еиԥш азакәан акыр ифеидахеит. Аҳәынҭқарратә аппарат аҩныҵҟа аҟынтә аполитикатә ԥсҭазаара иашьклаԥшуаз Макрон убас еиԥш алкаақәа ҟаиҵеит, ауаажәларратә интересқәа ишрықәымшәо иаԥҵоу рахьтә иарбанызаалак политикатә ҵысрак. Убри аҟынтә аминистр қәыԥш иӡбеит ихатәы ҵысра аԥҵара. Мшаԥымза 6, 2016 шықәса рзы ашәҟәы иҭагалан апартиа ҿыц «ԥхьаҟа, Ареспублика!», Еммануель Макрон инапхгарала.<ref>https://file.liga.net/persons/makron-emmanuel</ref> Апартиа иалаз дарбанызаалак 50 евро аԥаратә лагала ҟаиҵар акәын, асоциал-либералтә партиа ашәҟәы иҭагалаз алахәылацәа рхыԥхьаӡара 30-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Урҭ рыбжьара иҟан аклан Ротшильд ахаҭарнакцәа, агеи ҵысра алахәыла Пиер Берже, Ив-Сен-Лоран иҩыза, ицынхаҩы. Аӡәырҩы Еммануель Макрон иҿагылоз ирыԥхьаӡон, Ахәбатәи ареспублика апрезидентрахь акандидат – ари абизнес ду знапы алаку (афармацевтика, ахимиатә ааглыхра, абанктә ус) еиҿыркааз проектуп ҳәа, дара ирыԥхьаӡон аполитик қәыԥш ибзоурала азакәанқәа рлиберализациа алдыршарц рҭахуп ҳәа. Абҵарамза 16, 2016 шықәса рзы икьыԥхьын Еммануель Макрон ипрограмма «Ареволиуциа» захьӡыз. Ашәҟәы аҟны асоциал- либералцәа рҵысра аԥхьагыла дрылацәажәоит Франциа аиҳабыра рсистема аԥсахреи, насгьы атәыла аемигрантцәа аланырхара аус ацҵареи. Еммануель Макрон алхыҩцәа агәра диргон амиграциатә курс аиашара, уи аҳәынҭқарра азы аекономикатә феида аанагон ҳәа иԥхьаӡон. Ашәҟәаҟны иара «исистематәым политикны» ихы дахцәажәон, иагьааирԥшит акыр аҳәынҭқарратәи аҩныҵҟатәи амаӡақәа. Ари аҭыжьымҭа ауааԥсыра рыбжьара аларҵәара ду аман.<ref>https://carnegie.ru/commentary/68435</ref> == Франциа апрезидент == Мшаԥымза 23, 2017 шықәсазы Франциа имҩаԥысит атәыла апрезидент иалхрақәа актәи атур. Уи иалахәын 11- ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә аҩбатәи атур ахь инеиз ҩыџьа заҵәык роуп – «Амилаҭттә фронт» апартиа ахантәаҩы Марин Ле Пени, аҵысра «ԥхьаҟа, Ареспублика!» ахантәаҩы Еммануил Макрони. Алхрақәа рылҵшәақәа жәларбжьаратәи анаԥшаҩцәа рзы иџьашьатәхеит, избанзар алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз аполитик қәыԥш Еммануель Макрон иакәхеит. Уаанӡатәи аекономика аминистр изы рыбжьқәа арҭеит 23,75% алхыҩцәа, Марин Ле Пен лзы акәзар, рыбжьқәа арҭеит 21,53% алхрақәа ирылахәыз алхыҩцәа.<ref>https://www.bbc.com/russian/news-39840582</ref> Лаҵарамза 7, 2017 шықәса рзы Франциа имҩаԥысит алхрақәа аҩбатәи атур. Усҟан 20,7 миллионҩык алхыҩцәа Еммануель Макрон рыбжьы ирҭеит, Марин Ле Пен лакәзар, илоуит 10,6 миллион алхыҩцәа рыбжьқәа. Лаҵарамза ааба рзы ашьыжь, 99,9% абиуллетенқәа аус анрыдырула ашьҭахь, Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Франциа ахада иалхразы аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рыланаҳәеит, урҭ рыла Макрон аиааира игеит. Аофициалтә дыррақәа рыла, Еммануель Макрон 66,06% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит, Ле Пен – 33,94%. Убри алагьы Франциа апрезидентс дҟалеит Еммануель Макрон. Франциа ахада Европатәи ахеилак аидеиа дадгылоит, уи ззырхоу агәылара иҟоу Германиа акзаара ауп. Адәныҟатәи аполитика ззырхоу аҳәынҭқаррабжьаратә економикатә еимадарақәа рырӷәӷәара ауп, аха Макрон хылаԥшра змам аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара дадгылом. Аполитик ипозициа Палестина аганахь алеи атеррористтә гәыԥқәа рганахьалеи ирадикалтәуп. Уи Франциа ԥынгылада амигрантцәа раланырхара азы дықәгылон, убри аан Макрон дадгылоит атәылауаа рдинхаҵаратә цәаныррақәа иаартны аарԥшра аҭахны аҟамзаара. Аҩныҵҟатәи аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны, апрезидент амаҵзура ҷыдақәеи аполициеи финансла реиқәыршәа амҽхак ирҭбаауеит. Адәныҟатәи аполитика акәзар, Макрон даара амаршә кны имҩаԥигоит. Еиду Америкатәи Аштатқәа ргегемониахь имоу агәынамӡарақәа иаартны иааирԥшуам, убри аан иара Франциа жәларбжьаратәи апозициазы Аштатқәа рдиктатгьы аҭыԥ амам изҳәом. Урыстәылеи Франциеи реизыҟазаашьа акәзар, Еммануель Макрон арҭ атәылақәа ирыбжьоу аекономикатәи адәныҟа-политикатәи еимадарақәа ирыциҵоит. Минск иазыҟазаашьа акәзар – уи Минсктәи аиқәышаҳаҭра дадгылоит. Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала аҭыԥ змоу асанкциақәа ракәзар, Макрон урҭ рырмаҷра игәы иҭоуп.<ref>https://24smi.org/celebrity/4751-emmanuel-makron.html</ref> Еммануель Макрон имҩаԥиго аҩныҵҟатәи аполитика Франциа атәылауаа зегьы, жәаҳәарада, иргәаԥхомызт аҟынтә, 2018 шықәсазы атәылаҟны аҭыԥ рыман «аӡараҭаршә ҩеижьқәа» рықәгыларақәа. Раԥхьа иргыланы уи алахәцәа рықәгылара зыхҟьаз абылтәы ахә ашьҭыҵра ауп. Аха анаҩс дара иҟарҵоз адҵақәа рсиа, асоциалтәи аекономикатәи хырхарҭа змаз, ирыцло иалагеит. «Аӡараҭаршә ҩеижьқәа» рықәгыларақәа рыҽдырӷәӷәеит ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы. Атәылаҟны ирылагеит атәанчахәазы ареформа ҿыцқәа ирҿагыланы ақәгыларақәа. Урҭ ирылахәын 150-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Арҭ ақәгыларақәа раанкыларазы Макрон атәанчаҩцәа рықәра 64 шықәсанӡа ахагалара мап ацәикыр акәхеит.<ref>https://www.svoboda.org/a/29208915.html</ref> == Ахатәы ԥсҭазаара == Франциа апрезидент Еммануель Макрон ашкол аҿы аҵара аниҵоз аамҭазы бзиа дибоит афранцыз бызшәа рызҭоз арҵаҩы Брижит Троние. Арԥыс зынӡагьы хьаас икымызт бзиа иамхабази иареи 24 шықәса ахьрыбжьаз, насгьы лара хҩык ахшара дахьранызгьы – Себастиан, Лоранс, Тифен, урҭ зегьы Еммануель иқәлацәаз ракәын. Жәибыжь шықәса анихыҵуаз Еммануель Макрон дықәуеит, бзиа иибаз аԥҳәызба ԥҳәысс дшиго ала, 30 шықәса анихыҵлак. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа Макрон иҭаацәа аргачамкит, уи азын иара иаб Жан- Мишель иԥа Парижҟа ддәықәиҵар акәхеит. Жәаха шықәса инеиԥынкыланы бзиа еибабоз ашәҟәқәа еимырдон, сахьала акыр ибзиаз арԥыс аҭыԥҳацәа рҟынтә ҭаха шимамызгьы. 2007 шықәсазы Макрон ажәа лниҵеит, усҟан зхаҵа илҵхьаз Брижит Троние, иагьеибагоит, иаԥырҵоит иӷәӷәаз аҭаацәара. Брижит Макрон акыр зку, ақалақь Амиене аҟны инхо ашоколатие рыклан даҵанакуеит. Лара зынӡагьы длеиԥшым быжьҩык амаҭацәа змоу анду, мамзаргьы арҵаҩы. Даара иԥшӡаны еиҿартәу ԥҳәысуп. Аҭаацәа рыԥсшьара аамҭа рхыргоит рхатә вилла Туке, ари анхара хаҵеи ԥҳәыси иаархәеит ианеибага ашықәс азы. Еммануель Макрон Брижит Макрон лыда ихатәы иԥсҭазаара ибом, убри аҟара иӷәӷәаны аполитик иԥҳәыс длыдҳәалоуп.<ref>https://www.tatler.ru/heroes/brizhit-i-emmanuel-makron-istoriya-neobychnoj-lyubvi</ref> Алхрақәа раан Брижит Макрон еснагь лыԥшәма Еммануель иааигәа дыҟан, уи дырҵабыргуеит хыԥхьаӡара рацәала Аинтернет иҭоу афотосахьақәа. Еммануель Макрон агәра диргоит иара иԥшәмаԥҳәыс аполитикатә усқәа лнапы шрылакым, аха убри аан лара аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбара аҟны абжьгарақәа ҟалҵоит. Апрезидент иусура ада даҽа уск азы аамҭа имам. Аха, зых иақәиҭу аамҭа кьаҿк анааиоулак, иаразнак Тукаҟа иԥҳәыс даашьҭыхны дцоит. Макрон гәахәара дула Брижит лмаҭацәа ибоит, дырхылаԥшуеит. Иара убасгьы аԥстәқәа бзиа ибоит. Апрезидент иҩны инхоит аргентинатәи ала, Фигаро захьӡу.<ref>https://biography-life.ru/country/1849-emmanuel-makron.html</ref> == Еммануель Макрон иахьатәи аамҭазы == 2020 шықәса Франциеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыԥ зауз аҭыӡшәа ала иазгәаҭан. Макрон аалыԥшаах азықәԥара дамҽханакны дыҟан, иара ихықәкы хада – арадикалтә ԥсылманра ауп. Хықәкыла иуҳәозар, зыӡбахә ыҟоу «аҭыԥҳа дшыцқьоу азы абӷьыцқәа лыҭара мап ацәкреи, насгьы акрыфарҭақәа рҟны аконфессионалтә ахәкынҵа ҷыдеи раԥыхра роуп. Афранцыз ԥхьагыла игәазыҳәара «иҵаралашароу аԥсылманра» аргылара ареспублика аҿы аконфликт мзызс иаиуит. Ҭырқәтәыла апрезидент Реџьеп Ердоган Еммануель Макрон амсылманцәа ицәымӷуп ҳәа ахара идиҵеит. Иара убасгьы иациҵеит, аполитик зхы еиқәшәам рхәышәтәырҭаҟны аҽыхәышәтәра ихәҭоуп ҳәа. Аха Макрон дидгылеит Дональд Трамп. Уи аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатәи Аштатқәа шазыхиоу аԥсылмантә екстремизм аҿагылара. Лаҵарамзазы аполитик Германиа аканцлер Ангела Меркели иареи авидеоконференциа мҩаԥыргеит. Акыр азҿлымҳара аҭан апандемиа ашьҭахь Европатәи Ахеилак аекономика ашьақәыргылара азҵаара. Иӡбан 500 миллиард евро еидызкыло афонд аԥҵара. Арҭ аԥарақәа ззырхахо COVID-19 зегь реиҳа изхьысыз асекторқәеи арегионқәеи роуп.<ref>https://www.vesti.ru/article/2500026</ref> Ԥхынҷкәынмзазы Еммануель Макрон дычмазаҩхеит – иара акоронавирустә инфекциа идбалан, абри азы адырра ҟарҵеит Елисеитәи ахан апресс-маҵзура аҟнытә. Адиагноз шьақәыргылан RTPCR атест амҩаԥгарала. Апрезидент бжьымшы иҽыԥхьакны дыҟан. Франциа ишьақәыргылоу асанитартә нормақәа инарықәыршәаны. Убри аан иара имаҵзурақәа неигӡон инахароу аформат ала. Ари ачымазара анаҩс, аполитик игәабзиара уашәшәырахеит. Иара авидеоааԥхьара ҟаҵаны асоциалтә ҳақәа «Инстаграмми» «Твиттери» рҿы аимҳәеи, ицәеижь ахьааи, ахыхьи уҳәа шимоу, уи ирласны дшарааԥсо атәы еиҭеиҳәон. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Еммануель Макрон агәабзиара ахьизеиӷьаишьо зну ателеграмма изишьҭит. Урыстәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, даара агәамҵра шизцәырыргаз афранцыз политик дычмазаҩхеит ҳәа иоуз адыррақәа.<ref>https://www.rbc.ru/rbcfreenews/5fdb682a9a79479ed0aae8ab</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 21 рзы ииз]] [[Акатегориа:1977 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Франциатәи аполитикцәа]] [[Акатегориа:Франциа апрезидентцәа]]
Еммануель Жан-Мишель Фредерик Макрон (; , Амиен, Сомма, О-де Франс, Франциа) – франциатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, Франциа апрезидент, Франциатәи Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада лаҵарамза 14, 2017 шықәса раахыс. Вальс аҩбатәи иеиҳабыра рҟны, нанҳәамза 26, 2014 шықәса инаркны, нанҳәамза 30, 2016 шықәсанӡа, аекономикеи, ааглыхреи, ахыԥхьаӡарақәа руси рминистр. Аполитикатә партиа «Вперёд, Республика!» раԥхьатәи аԥҵаҩы (2016–2017 шш.). 2019 шықәса, ԥҳынҷкәынмза анҵәамҭазы британиатәи агазеҭ Financial Times, «ажәашықәса ахаҿы» ҳәа иӡбахә аҳәеит, ус еиԥш иалкааз 50- ҩык рыбжьара. Анысмҩа Еммануель Макрон – Франциа апрезидент, уи алхрақәа рҟны аиааира игеит 2017 шықәсазы. Уаанӡа Макрон Олланд иусбарҭа аҟны аекономикеи ааглыхреи рзы аминистр иҭыԥ ааникылон, иара убасгьы аполитикатә партиа «Вперёд, Республика» аԥхьагылас дыҟан. Макрон Франциа зегьы аҭоурых аҟны зегь реиҳа иқәыԥшыз президентхеит. Иара ари аҭыԥ ааникылеит 39 шықәса анихыҵуаз. Аполитик диит ԥхынҷкәынмза 21, 1977 шықәсазы ақалақь Амиен. Е. Макрон иҭаацәа аинтеллигенциа иахаҭарнакцәан. Иаб, Жан-Мишель Макрон, аневрологиа амаҭәар даԥхьон Пикардиитәи ауниверситет аҟны, иан, Франсуаза Макрон-Ногес – дҳақьымын. Милаҭла Еммануель Макрон – дыфранцызуп. Аха, хыҵхырҭақәак ишьақәдырӷәӷәоит ауриа шьҭра имоуп ҳәа. Убри ауп изџьашьатәымгьы, иахьатәи аамҭазы ари аполитик ауриа жәлар адгылара ӷәӷәа ахьырзыҟаиҵогьы. Аполитик аерман шьагьы илоуп, иан лаб дерманын, Фредерик Масоиан иакәын.https://24smi.org/celebrity/4751-emmanuel-makron.html Еммануель Макрон данхәыҷыз иқалақь гәакьа аҿы иҟаз аиезуиттә лицеи дҭалоит, анаҩс аҵарадыррақәа иоуит Париж, Еколь Нормалтәи алицеи аҿы. Ашкол анаҩс Макрон Нантер-лиа-Дефанстәи ауниверситет далгоит, Аполитикатә ҭҵаарақәа ринститут. Ганрацәала аҿиара змаз арԥыс қәыԥш, иқәлацәа дреиԥшмызт, уи иԥсҭазаара аҟынтә ҩышықәса афилософ Поль Рикери иареи еицырзеиԥшыз аусура иазикит. 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Амилаҭтә школ администрациа аҿы аҵара иҵон.https://www.tatler.ru/heroes/brizhit-i-emmanuel-makron-istoriya-neobychnoj-lyubvi Аполитикеи акариереи Макрон иқәыԥшра аамҭазы апрезидент Жак Ширак иусбарҭаҿы аусура далагоит, афинансқәа ринспекторс, уа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы аус иуан. Аха, амчра аҽанаԥсах 2007 шықәсазы, Жак Аттали инапхгарала аекономика аизҳара аиӷьтәразы Акомиссиа ажәахәҟаҵаҩы ицхырааҩыс дҟалоит. 2008 шықәсазы аполитик қәыԥш аинвестициатә банктә усура инапы алеикуеит. Адырра ҵаулақәа змаз аекономист даарыԥхьоит 2008 шықәсазы абанк Rothschild & Cie Banque аҿы аусуразы. Уа Еммануил Макрон илшоит европатәи акомпаниақәа реиҭаҭиразы аусқәа рымҩаԥгара, уи алагьы ихатәы капитал акыр миллион евро рҟынӡа ашьҭыхра.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-emmanuel-makron.html Атәыла ахада иусбарҭа аусзуҩы иаҳасаб ала, 2006 шықәсазы Еммануель Макрон Асоциалисттә партиа далахәылахоит, аха уа иара хышықәса заҵәык роуп дахьаанхаз. Макрон аекономикатәи аинвестициатәи зҵаарақәа аус рыдиулон, насгьы ауаажәларра рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа дахылаԥшуан. Усҟан Франциа ахадас иҟаз Николиа Саркози иеиҳабыра алахәылас иҟазаара аамҭазы Макрон анаҩстәи алхрақәа, асоциал-демократцәа рҵысра аҟынтә акандидат Франсуа Олланд икандидатура дадгылоит. 2012 шықәсазы Макрон ирласны иполитикатә кариера шьҭыҵуа иалагеит Олланд иеиҳабыра рҟны. Иара иааирԥшуаз аихьӡарақәа рзы атәыла ахада имаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнакс дҟарҵоит, ҩышықәса ааҵхьаны, абанкир аекономика аминистрс дарҭоит. Ас еиԥш аҭыԥ аанкылара Макрон инысмҩа аҟны аҵак ду амоуп.http://www.perspektivy.info/book/emmanuel_makron_biografija_lichnost_medijnyj_obraz_2017-09-25.htm Аҭыԥ ҿыц аҟны аполитик акыр азакәан ҿыцқәа алеигалоит, алибералтә ҟазшьа змаз. 2015 шықәса рзы, акыр аимакқәа рнаҩс, аиҳабыра ирыдыркылоит «Макрон изакәан», уи ззырхаз атәылаҟны аекономика ашьҭыхра акәын, аекономика асекторқәа рыхәҭак алиберализациа рзура амҩала. Азакәан апроект атранспрт арныҟәцаҩцәеи аусуҩцәеи рыбжьара агәынамӡарақәа цәырнагеит, аха аусдкылара дуқәа знапы алакыз рзын ас еиԥш азакәан акыр ифеидахеит. Аҳәынҭқарратә аппарат аҩныҵҟа аҟынтә аполитикатә ԥсҭазаара иашьклаԥшуаз Макрон убас еиԥш алкаақәа ҟаиҵеит, ауаажәларратә интересқәа ишрықәымшәо иаԥҵоу рахьтә иарбанызаалак политикатә ҵысрак. Убри аҟынтә аминистр қәыԥш иӡбеит ихатәы ҵысра аԥҵара. Мшаԥымза 6, 2016 шықәса рзы ашәҟәы иҭагалан апартиа ҿыц «ԥхьаҟа, Ареспублика!», Еммануель Макрон инапхгарала.https://file.liga.net/persons/makron-emmanuel Апартиа иалаз дарбанызаалак 50 евро аԥаратә лагала ҟаиҵар акәын, асоциал-либералтә партиа ашәҟәы иҭагалаз алахәылацәа рхыԥхьаӡара 30-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Урҭ рыбжьара иҟан аклан Ротшильд ахаҭарнакцәа, агеи ҵысра алахәыла Пиер Берже, Ив-Сен-Лоран иҩыза, ицынхаҩы. Аӡәырҩы Еммануель Макрон иҿагылоз ирыԥхьаӡон, Ахәбатәи ареспублика апрезидентрахь акандидат – ари абизнес ду знапы алаку (афармацевтика, ахимиатә ааглыхра, абанктә ус) еиҿыркааз проектуп ҳәа, дара ирыԥхьаӡон аполитик қәыԥш ибзоурала азакәанқәа рлиберализациа алдыршарц рҭахуп ҳәа. Абҵарамза 16, 2016 шықәса рзы икьыԥхьын Еммануель Макрон ипрограмма «Ареволиуциа» захьӡыз. Ашәҟәы аҟны асоциал- либералцәа рҵысра аԥхьагыла дрылацәажәоит Франциа аиҳабыра рсистема аԥсахреи, насгьы атәыла аемигрантцәа аланырхара аус ацҵареи. Еммануель Макрон алхыҩцәа агәра диргон амиграциатә курс аиашара, уи аҳәынҭқарра азы аекономикатә феида аанагон ҳәа иԥхьаӡон. Ашәҟәаҟны иара «исистематәым политикны» ихы дахцәажәон, иагьааирԥшит акыр аҳәынҭқарратәи аҩныҵҟатәи амаӡақәа. Ари аҭыжьымҭа ауааԥсыра рыбжьара аларҵәара ду аман.https://carnegie.ru/commentary/68435 Франциа апрезидент Мшаԥымза 23, 2017 шықәсазы Франциа имҩаԥысит атәыла апрезидент иалхрақәа актәи атур. Уи иалахәын 11- ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә аҩбатәи атур ахь инеиз ҩыџьа заҵәык роуп – «Амилаҭттә фронт» апартиа ахантәаҩы Марин Ле Пени, аҵысра «ԥхьаҟа, Ареспублика!» ахантәаҩы Еммануил Макрони. Алхрақәа рылҵшәақәа жәларбжьаратәи анаԥшаҩцәа рзы иџьашьатәхеит, избанзар алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз аполитик қәыԥш Еммануель Макрон иакәхеит. Уаанӡатәи аекономика аминистр изы рыбжьқәа арҭеит 23,75% алхыҩцәа, Марин Ле Пен лзы акәзар, рыбжьқәа арҭеит 21,53% алхрақәа ирылахәыз алхыҩцәа.https://www.bbc.com/russian/news-39840582 Лаҵарамза 7, 2017 шықәса рзы Франциа имҩаԥысит алхрақәа аҩбатәи атур. Усҟан 20,7 миллионҩык алхыҩцәа Еммануель Макрон рыбжьы ирҭеит, Марин Ле Пен лакәзар, илоуит 10,6 миллион алхыҩцәа рыбжьқәа. Лаҵарамза ааба рзы ашьыжь, 99,9% абиуллетенқәа аус анрыдырула ашьҭахь, Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Франциа ахада иалхразы аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рыланаҳәеит, урҭ рыла Макрон аиааира игеит. Аофициалтә дыррақәа рыла, Еммануель Макрон 66,06% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит, Ле Пен – 33,94%. Убри алагьы Франциа апрезидентс дҟалеит Еммануель Макрон. Франциа ахада Европатәи ахеилак аидеиа дадгылоит, уи ззырхоу агәылара иҟоу Германиа акзаара ауп. Адәныҟатәи аполитика ззырхоу аҳәынҭқаррабжьаратә економикатә еимадарақәа рырӷәӷәара ауп, аха Макрон хылаԥшра змам аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара дадгылом. Аполитик ипозициа Палестина аганахь алеи атеррористтә гәыԥқәа рганахьалеи ирадикалтәуп. Уи Франциа ԥынгылада амигрантцәа раланырхара азы дықәгылон, убри аан Макрон дадгылоит атәылауаа рдинхаҵаратә цәаныррақәа иаартны аарԥшра аҭахны аҟамзаара. Аҩныҵҟатәи аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны, апрезидент амаҵзура ҷыдақәеи аполициеи финансла реиқәыршәа амҽхак ирҭбаауеит. Адәныҟатәи аполитика акәзар, Макрон даара амаршә кны имҩаԥигоит. Еиду Америкатәи Аштатқәа ргегемониахь имоу агәынамӡарақәа иаартны иааирԥшуам, убри аан иара Франциа жәларбжьаратәи апозициазы Аштатқәа рдиктатгьы аҭыԥ амам изҳәом. Урыстәылеи Франциеи реизыҟазаашьа акәзар, Еммануель Макрон арҭ атәылақәа ирыбжьоу аекономикатәи адәныҟа-политикатәи еимадарақәа ирыциҵоит. Минск иазыҟазаашьа акәзар – уи Минсктәи аиқәышаҳаҭра дадгылоит. Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала аҭыԥ змоу асанкциақәа ракәзар, Макрон урҭ рырмаҷра игәы иҭоуп.https://24smi.org/celebrity/4751-emmanuel-makron.html Еммануель Макрон имҩаԥиго аҩныҵҟатәи аполитика Франциа атәылауаа зегьы, жәаҳәарада, иргәаԥхомызт аҟынтә, 2018 шықәсазы атәылаҟны аҭыԥ рыман «аӡараҭаршә ҩеижьқәа» рықәгыларақәа. Раԥхьа иргыланы уи алахәцәа рықәгылара зыхҟьаз абылтәы ахә ашьҭыҵра ауп. Аха анаҩс дара иҟарҵоз адҵақәа рсиа, асоциалтәи аекономикатәи хырхарҭа змаз, ирыцло иалагеит. «Аӡараҭаршә ҩеижьқәа» рықәгыларақәа рыҽдырӷәӷәеит ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы. Атәылаҟны ирылагеит атәанчахәазы ареформа ҿыцқәа ирҿагыланы ақәгыларақәа. Урҭ ирылахәын 150-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Арҭ ақәгыларақәа раанкыларазы Макрон атәанчаҩцәа рықәра 64 шықәсанӡа ахагалара мап ацәикыр акәхеит.https://www.svoboda.org/a/29208915.html Ахатәы ԥсҭазаара Франциа апрезидент Еммануель Макрон ашкол аҿы аҵара аниҵоз аамҭазы бзиа дибоит афранцыз бызшәа рызҭоз арҵаҩы Брижит Троние. Арԥыс зынӡагьы хьаас икымызт бзиа иамхабази иареи 24 шықәса ахьрыбжьаз, насгьы лара хҩык ахшара дахьранызгьы – Себастиан, Лоранс, Тифен, урҭ зегьы Еммануель иқәлацәаз ракәын. Жәибыжь шықәса анихыҵуаз Еммануель Макрон дықәуеит, бзиа иибаз аԥҳәызба ԥҳәысс дшиго ала, 30 шықәса анихыҵлак. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа Макрон иҭаацәа аргачамкит, уи азын иара иаб Жан- Мишель иԥа Парижҟа ддәықәиҵар акәхеит. Жәаха шықәса инеиԥынкыланы бзиа еибабоз ашәҟәқәа еимырдон, сахьала акыр ибзиаз арԥыс аҭыԥҳацәа рҟынтә ҭаха шимамызгьы. 2007 шықәсазы Макрон ажәа лниҵеит, усҟан зхаҵа илҵхьаз Брижит Троние, иагьеибагоит, иаԥырҵоит иӷәӷәаз аҭаацәара. Брижит Макрон акыр зку, ақалақь Амиене аҟны инхо ашоколатие рыклан даҵанакуеит. Лара зынӡагьы длеиԥшым быжьҩык амаҭацәа змоу анду, мамзаргьы арҵаҩы. Даара иԥшӡаны еиҿартәу ԥҳәысуп. Аҭаацәа рыԥсшьара аамҭа рхыргоит рхатә вилла Туке, ари анхара хаҵеи ԥҳәыси иаархәеит ианеибага ашықәс азы. Еммануель Макрон Брижит Макрон лыда ихатәы иԥсҭазаара ибом, убри аҟара иӷәӷәаны аполитик иԥҳәыс длыдҳәалоуп.https://www.tatler.ru/heroes/brizhit-i-emmanuel-makron-istoriya-neobychnoj-lyubvi Алхрақәа раан Брижит Макрон еснагь лыԥшәма Еммануель иааигәа дыҟан, уи дырҵабыргуеит хыԥхьаӡара рацәала Аинтернет иҭоу афотосахьақәа. Еммануель Макрон агәра диргоит иара иԥшәмаԥҳәыс аполитикатә усқәа лнапы шрылакым, аха убри аан лара аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбара аҟны абжьгарақәа ҟалҵоит. Апрезидент иусура ада даҽа уск азы аамҭа имам. Аха, зых иақәиҭу аамҭа кьаҿк анааиоулак, иаразнак Тукаҟа иԥҳәыс даашьҭыхны дцоит. Макрон гәахәара дула Брижит лмаҭацәа ибоит, дырхылаԥшуеит. Иара убасгьы аԥстәқәа бзиа ибоит. Апрезидент иҩны инхоит аргентинатәи ала, Фигаро захьӡу.https://biography-life.ru/country/1849-emmanuel-makron.html Еммануель Макрон иахьатәи аамҭазы 2020 шықәса Франциеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыԥ зауз аҭыӡшәа ала иазгәаҭан. Макрон аалыԥшаах азықәԥара дамҽханакны дыҟан, иара ихықәкы хада – арадикалтә ԥсылманра ауп. Хықәкыла иуҳәозар, зыӡбахә ыҟоу «аҭыԥҳа дшыцқьоу азы абӷьыцқәа лыҭара мап ацәкреи, насгьы акрыфарҭақәа рҟны аконфессионалтә ахәкынҵа ҷыдеи раԥыхра роуп. Афранцыз ԥхьагыла игәазыҳәара «иҵаралашароу аԥсылманра» аргылара ареспублика аҿы аконфликт мзызс иаиуит. Ҭырқәтәыла апрезидент Реџьеп Ердоган Еммануель Макрон амсылманцәа ицәымӷуп ҳәа ахара идиҵеит. Иара убасгьы иациҵеит, аполитик зхы еиқәшәам рхәышәтәырҭаҟны аҽыхәышәтәра ихәҭоуп ҳәа. Аха Макрон дидгылеит Дональд Трамп. Уи аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатәи Аштатқәа шазыхиоу аԥсылмантә екстремизм аҿагылара. Лаҵарамзазы аполитик Германиа аканцлер Ангела Меркели иареи авидеоконференциа мҩаԥыргеит. Акыр азҿлымҳара аҭан апандемиа ашьҭахь Европатәи Ахеилак аекономика ашьақәыргылара азҵаара. Иӡбан 500 миллиард евро еидызкыло афонд аԥҵара. Арҭ аԥарақәа ззырхахо COVID-19 зегь реиҳа изхьысыз асекторқәеи арегионқәеи роуп.https://www.vesti.ru/article/2500026 Ԥхынҷкәынмзазы Еммануель Макрон дычмазаҩхеит – иара акоронавирустә инфекциа идбалан, абри азы адырра ҟарҵеит Елисеитәи ахан апресс-маҵзура аҟнытә. Адиагноз шьақәыргылан RTPCR атест амҩаԥгарала. Апрезидент бжьымшы иҽыԥхьакны дыҟан. Франциа ишьақәыргылоу асанитартә нормақәа инарықәыршәаны. Убри аан иара имаҵзурақәа неигӡон инахароу аформат ала. Ари ачымазара анаҩс, аполитик игәабзиара уашәшәырахеит. Иара авидеоааԥхьара ҟаҵаны асоциалтә ҳақәа «Инстаграмми» «Твиттери» рҿы аимҳәеи, ицәеижь ахьааи, ахыхьи уҳәа шимоу, уи ирласны дшарааԥсо атәы еиҭеиҳәон. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Еммануель Макрон агәабзиара ахьизеиӷьаишьо зну ателеграмма изишьҭит. Урыстәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, даара агәамҵра шизцәырыргаз афранцыз политик дычмазаҩхеит ҳәа иоуз адыррақәа.https://www.rbc.ru/rbcfreenews/5fdb682a9a79479ed0aae8ab Азгәаҭақәа Акатегориа:Ԥхынҷкәынмза 21 рзы ииз Акатегориа:1977 шықәсазы ииз Акатегориа:Франциатәи аполитикцәа Акатегориа:Франциа апрезидентцәа
37741
https://ab.wikipedia.org/wiki/Черчилль,_Уинстон
Черчилль, Уинстон
{{Акарточка аполитик}} '''Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль''' ({{lang-en|Sir Winston Leonard Spencer Churchill}}; {{date|30|11|1871}} — {{date|24|1|1965}}, [[Лондон]]) – британиатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы, аполитик, ҩынтә Британиа Ду аԥыза-министрс далырххьан. Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, алитература ахырхарҭала адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Арратә чын – аполковник. Британиатәи академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/4684037 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2022-06-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220615154755/https://bigenc.ru/world_history/text/4684037 |url-status=dead }}</ref> == Анысмҩа == Уинстон Черчилль – аҩажәатәи ашәышықәсазтәи еицырдыруаз политикын. Уи иусура Британиа азеиԥш, адунеитә политика зегь азынгьы даара аҵак ду аман, аха ҳаамҭазтәи ауаажәларра рҟны уи еиуеиԥшымкәаны иахәаԥшуеит: џьоукы уи игәымшәара иаршанхозар, иполитикатә хымҩаԥгашьа џьаршьоит, егьырҭ ракәзар, ипозициа агәынамӡара рызцәырнагоит, избанзар уи адунеи напхгара азҭалаша ауаа шкәакәақәа роуп ҳәа ахьиԥхьаӡоз азы.<ref>https://obrazovaka.ru/alpha/c/cherchill-uinston-churchill-winston</ref> Черчилль иаартны адиктатура дшазықәԥозгьы, иӡомызт Бенито Муссолинии Иосиф Сталини русушьа даара дшазҿлымҳаз, агәахәара шинаҭоз, урҭ инапхгараҭара аамҭазы атоталитартәии хаҭалатәии арежимқәа рышьаҭаркыҩцәас иҟан Италиеи СССР‑и. Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль диит абҵарамза 30, 1874 шықәсазы, агерцогцәа Мальборо рышьҭраҿы, Блеихеимтәи ахан аҟны. Иара иҭаацәа даара знапы акракыз, анырра ӷәӷәа змаз уаан – иаб, алорд Рендольф Генри Спенсер, еицырдыруаз политикын, насгьы Британиа Аказначеира Аканцлерс дыҟан, иан – Дженни амал ду змаз америкатәи анаплакҩы диԥҳан. Аԥхьаҟа иполитикхараны иҟаз Уинстон Черчилль раԥхьатәи хәыҷын иҭаацәара аҟны, аха иани иаби рыбзиабара уиаҟара иныруамызт, избанзар иаб еснагь аполитикатә ԥсҭазаара, акариера акәын дзызҿлымҳаз, иан лакәзар, ԥсҭазаара ԥшӡа дазкын. Убри аҟынтә Уинстон хәыҷы иааӡара лнапы ианын ааӡаҩы Елизабет Енн Еверест, уи Черчилль изын зегь реиҳа игәакьаз уаҩхеит.<ref>https://nacion.ru/477206a-uinston-cherchill-biografiya-godyi-jizni-lichnaya-jizn-i-interesnyie-faktyi</ref> Дани инаркны, аԥхьаҟа Британиа аԥыза-министрны иҟалараны иҟаз «иреиҳаӡоу акаста» далахәылахеит, уи иалнаршон иара иполитикатә кариеира аҟны аԥынгылақәа иҭара, избанзар аамсҭацәа рхылҵшьҭра змаз азин рымамызт Аилазаара Апалата алаларазы, насгьы атәыла анапхгараҭаратә ҭыԥқәа раанкыларазы. Аха, излеилкаахаз ала, Уинстон Черчилль аамсҭцәа дырхылҵшьҭра иашаны дыҟамызт, уи алшара инаҭеит политик дуны аҟаларазы. Быжьшықәса анихыҵуаз Черчилль иарку ашкол Сент-Џьорџь иҟаз ахь ддәықәырҵоит, уа ааӡара еиҳа иазхьаԥшуан, ашколхәыҷқәа рҵара аасҭа. Арҵаратә усҳәарҭа аҟны Уинстон аҵара шиҭахым ааирԥшит, насгьы аҩныҵҟатәи ахымҩаԥгашьазы аԥҟарақәа дышрықәшаҳаҭым, дшырҿагыло, уи иахырҟьаны изныкымкәан аҷын дадыргахьан. Уи ибаразы уахь лассы-лассы инеиуаз иааӡаҩ аҷкәын ашәытарақәа инны ианылба, илылшоз зегьы ҟалҵеит Черчилль даҽа школк ахь ииагаразы. Аха, аиҳәшьцәа Томсонаа британиатәи рышкол аҟынгьы Черчилль аҵара бзиа изымбеит, уи аҟынтә иара иакәын ари ашкол аҟны зегьы иреицәаны аҵара зҵоз ҳәа иԥхьаӡаз. Жәаҩа шықәса анихыҵуаз Уинстон Черчилль игәабзиара уашәшәырахо иалагеит – иара агәаҵәыхь ихьыз иахҟьаны ирҳәарах зегьы арԥсыҽит. Уи азы Итонтәи, Мальборо аимшьҭра иаҵанакуаз ахацәа зегьы аҵара ахьырҵоз, итрадициатәыз иреиҳау аҵараиурҭа дызҭамлеит, аха иҵара иациҵеит Херроутәи аколлеџь аҟны.<ref>https://kratkoe.com/uinston-cherchill-kratkaya-biografiya/</ref> Иара абраҟагьы Черчилль аҵара дазгәышьуамызт, амаҭәарқәа еилихуан – ииҵозгьы иара интерсс имаз акәын, егьырҭ зегьы хьаас икымызт, рҵарагьы игәы иҭамызт. Убри аҟынтә, 1889 шықәсазы иара диаган «арратә класс» ашҟа, ари акласс аҟны аҵара апрограмма аҟны хадара змаз арратә ус акәын. Абраҟа ауп, имӡырҩуаз аҵаҩы Уинстон даара иҭышәынтәалаз студентны дахьыҟалаз. Иара дыруаӡәкхеит ари аҵараиурҭа иалгаз 12-ҩык рахьтә амаҭәарқәа зегьы рзы аԥышәарақәа раҭара зылшаз рыбжьара аҟалара, уи Черчилль алшара инаҭеит Британиа Ду аҟны зегьы иреиӷьыз арратә ҵараиурҭа аҭаларазы, дагьалгоит алеитенант еиҵбы ичын иманы.<ref>https://24smi.org/celebrity/1597-uinston-cherchill.html</ref> == Арратә кариера == 1895 шықәсазы, арратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, Черчилль дахыԥхьаӡалан аԥшьбатәи агусарцәа рполк, аха аамҭак ааҵхьаны еиликааит арратә кариера иара ишитәым. Иан лыла имаз аимадарақәа ирыбзоураны, уи аамҭазы лара Рендольф Черчилль иԥҳәысеибахахьаз, Уинстон Черчилль Кубаҟа ддәықәҵан, арратә корреспондентс, убри аан арратә маҵзура дахысуазшәа дахыԥхьаӡалан. Ажурналистк иаҳасбала иусура, аполитик даара ахьӡи аԥшеи ауаажәларратә азхаҵареи изаанагеит, иара убасгьы алшара инаҭеит раԥхьатәи ихатә ԥара арҳаразгьы, уи ишьақәнаргылеит 25 гинеи. Ахьӡ-аԥшеи аԥареи рнаҩсгьы, Кубантәи Черчилль иааигеит иԥсҭазаара зегьы иныҟәигоз аҟазшьақәа – кубатәи асигарақәа рыхара, насгьы асиеста ақәныҟәара, уи иаанагоз шьыбжьышьҭахьтәи аԥсшьара акәын. 1896 шықәсазы, Черчилль ижурналисттә ныҟәарақәа ирыциҵеит, дагьдәықәҵан Индиаҟа, анаҩс Мысраҟа (Египет). Ара Черчилль ирратә ҟазара ааирԥшит, иара иафицартә усқәа зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуан.<ref>https://moluch.ru/young/archive/14/1058/</ref> == Аполитика == 1899 шықәсазы, Уинстон Черчилль ԥхьатәара дцарц иӡбеит, насгьы игәы иҭеикит ихы аполитика иазикырц. Убри аамҭазы Черчилль еицырдыруаз журналистын аҟынтә, ауаажәларратә дгылара иоуп ҳәа дақәгәыӷуан. Апарламент ахь анеиразы раԥхьатәи ашьаҿақәа Аконсервативтә партиа аилазаара ала аус лҵшәадахеит – алхыҩцәа алибералцәа ахьалырхуаз иахҟьаны. Аамҭак азы аполитика иацәхьаҵыз Черчилль, даҽа зныкгьы, журналистк иаҳасаб ала ныҟәара дцоит. Дагьдәықәырҵоит Ладатәи Африкаҟа, уа Англо-буртәи аибашьра цон. Черчилль ара аҿагылаҩцәа шасыс дыргоит, аха абналара илшоит, уи Черчилль изын ихьыӡҭыгагаз аамҭахоит политикк иаҳасаб ала: алхыҩцәа рыбжьқәа ирҭарц рҳәеит, иполитикатә зыҟазаашьақәа хьаас имкыкәаны. Убри аан иара иӡбоит аибашьра адәахьы агьежьра, ихгьы алаирхәуеит абналара ахьилшаз абахҭа аҟынтәи аӡәырҩы рыхрақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа.<ref>https://diletant.media/articles/45268646/</ref> Черчилль игәымшәаратә хҭысқәа иԥсадгьыл ахь дфырхаҵаны агьежьразы алшара ирҭеит – уи даара имарианы апарламенттә алхрақәа рҟны аиааира агара илшеит. Ари ҟалеит 1900 шықәсазы, дагьалалоит Апалатақәа реилазаара, иагьилшоит ари аҭыԥ аҟны 50 шықәса инеиԥынкыланы аҟазаара. Иара убри ашықәазы икьыԥхьуеит илетературатә ԥҵамҭа заҵәы, ароман «Саврола», уа, аҭоурыхдырҩцәа ргәаанагара ала, аполитик фырхаҵа хаданы ихы ааирԥшит. Апарламент аҟны раԥхьатәи амшқәа инадыркны Уинстон Черчилль аконсерваторцәа рганахь ала акритика ҟаҵо, ԥхашьара ҟамҵакәаны дықәгылон, уи атәыла аидеолог хада Џьозеф Чемберлен ипрограмма дшақәшаҳаҭым атәы иҳәон. Убри аҟынтә аԥхьаҟа Британиа Ду иаԥыза-министрхараны иҟаз, ԥшьышықәса рнаҩс Аконсервативтә партиа аанижьит, алибералцәа рахь диасит – ари ашьаҿа алшара инаҭеит аполитикатә кариера аҟаҵаразы. Раԥхьа иара аколониа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит, анаҩс иара ахәаахәҭра аминистрс дҟаҵан, уи анаҩс аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭан, шықәсык ааҵхьаны Черчилль арра-мшынтә мчқәа дырминистрхеит, убри алагьы зегь реиҳа иқәыԥшыз политикхеит, Британиа акыр анырра ду змоу аҭыԥқәа аанызкылоз рахьтә.<ref>{{Cite web |url=https://www.2000.ua/specproekty_ru/velikie-lyudi-proshlogo-i-sovremennost/nikogda_-nikogda_-nikogda-ne-sdavaites.htm |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2016-09-21 |archive-url=https://web.archive.org/web/20160921115630/http://www.2000.ua/specproekty_ru/velikie-lyudi-proshlogo-i-sovremennost/nikogda_-nikogda_-nikogda-ne-sdavaites.htm |url-status=dead }}</ref> Арра- мшынтә мчқәа рминистрс даныҟаз Уинстон Черчилль ажәлар ирылаҩыз аус дақәшәеит: иара ихарала Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Британиазы ирыцҳарахеит Дарданнеллтәи арратә операциа ахыркәшара, уи башаӡа иалаӡит 250-нызқьҩык англиатәи асолдаҭцәа. Ари агха ду ахьаршшаразы аполитик ԥхьатәара дцеит, насгьы хатәгәаԥхарала афронт ахь дцоит. Шықәсқәак рнаҩс, Дарданеллы акәшамыкәша ацәажәарақәа анеиԥхьба анаҩс, Черчилль дырҩегьых аиҳабыра рахь дгьежьуеит, уа арратә еиқәыршәара аминистр иҭыԥ ааникылоит, аха арагьы ишахәҭаз еиԥш ихы изаамырԥшит аҟынтә, даҽа шықәсқәак аполитика мап ацәикыр акәхеит.<ref>http://history-doc.ru/uinston-cherchill/</ref> == Британиа аԥыза-министр == Уинстон Черчилль аполитикахь игьежьра Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра иадҳәалоуп, Германиа Польша ианақәла аамҭазы, уи ашьҭахь Британиа ду Адольф Гитлер ишиабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Абри аан Уинстон Черчилль идыргалоит Адмиралра Актәи Алордс аҟалара, уи алшара инаҭон Арратә хеилак аҟны абжьаҭаразы азин, иара ахааназгьы итәыла аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы гәыӷра ахьыҟаимҵацыз иахҟьаны, амчрақәа агәра ргон ишилшо имилаҭ аиааира агарахьы амҩа рықәҵара. Атәыла амобилизациа амыругақәа зегьы знапаҟны иҟалаз Черчилль илшеит Гитлертә Германиа иаҿагыланы ақәԥаразы ахырхарҭа дуқәа рыԥшаара, дагьыҟалоит Британиа аԥыза-министрны, Англиа азы зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазы. Уинстон Черчилль иааирԥшуаз ақәыӷәӷәареи аҭагылазаашьа ииашаны аилкаареи алшара инаҭеит қәҿиарала аибашьра амҩаԥгара, аиааира аагара, иагьаԥиҵоит аиааиратә коалициа [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|Еиду Америкатәи Аштатқәеи]] СССР-и рҟны.<ref>https://nacion.ru/477206a-uinston-cherchill-biografiya-godyi-jizni-lichnaya-jizn-i-interesnyie-faktyi</ref> Абольшевизм иаҿагылоз Черчилль Гитлери Сталини рыбжьара аҵыхәтәантәи далихуеит, уаҳа ԥсыхәагьы имамызт. Лаҵарамза 1942 шықәса рзы америкатәии урыстәылатәии аԥхьагылаҩцәа Франклин Рузвельти Иосиф Сталини рҟны Черчилль инапы аҵаиҩуеит акрызҵазкуаз адокумент, Гитлер иҿагылоз акоалициа аԥҵаразы, хьӡыс иаман «Атлантикатәи ахартиа», уи иаанарԥшуан аекономикатәи аполитикатәи ҭынчреи азини атәылақәа - аидгылаҩцәа рыбжьара Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь. 1945 шықәсазы Британиа Ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, СССР имҩаԥыргоит Иалтатәи аконференциа, уи ишьақәнаргылеит аибашьрашьҭахьтәи адунеи аполитикатә хсаала. Усҟан «Большая троика» аԥхьагылацәа ирыӡбеит Германиа ԥшь-оккупациатә хәҭакны ишатәуп ҳәа, уи ашьҭахь СССР аилазаарахь ихынҳәуеит Прибалтика, Мраҭашәаратәи Украина, Белоруссиа, Бессарабиа, Буковина, Корелиа. Иара убасҟан Асовет Еидгыла Иапониатәи аибашьра алахәхара атәы рыланаҳәеит, уи азын СССР иадҵахон Ладатәи Сахалини Курилтәи адгьылбжьахақәеи. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга анаҩс, адунеи зегьы ҩ-политикатә системакны аҽеиҩнашеит, Черчилль иакәзар, Мраҭашәарахь ааԥхьара ҟаиҵеит, акоммунисттә Мрагылара иаҿагыланы аҽеизакразы, абольшевизм аԥыхразы. Аха, уи аамҭазы Черчилль аполитика ду аанижьыр акәхеит, избанзар аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Британиа Ду ицәырҵуа иалагеит аекономикатә проблемақәа, атәыла адәныҟатәи ауал иазҳаит, агәыларатәи аколониақәеи Британиеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа уадаҩхеит. Арҭқәа зегьы, Уинстон Черчилль апарламенттә алхрақәа раан аиааира игартә иҟарымҵеит, иаргьы ԥхьатәара дцеит.<ref>[https://www.partner-inform.de/partner/detail/2002/12/233/6146/uinston-cherchill-poslednij-iz-velikobritancev? https://www.partner-inform.de/partner/detail/2002/12/233/6146/uinston-cherchill-poslednij-iz-velikobritancev?]</ref> Уи аамҭазы Черчилль аиҳабыратә оппозициа дахагылоит, аха Апалататә еилазаара аҟны рацәак дцәырҵуамызт, ихы зегьы алитературатә рҿиара иазикит. 1951 шықәсазы, усҟан Уинстон Черчилль 76 шықәса ихыҵуан, даҽазныкгьы Британиа аԥыза-министрс дҟалоит, ԥшьышықәса инеиԥынкылангьы атәыла напхгара аиҭон. Иполитикатә усура аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы Уинстон Черчилль адәныҟатәи аполитика иазикит, насгьы атәыла аиадертә потенциал аҿиара, уи ала иара иҭахын Британиа арратә мчхара азыргьежьра. Аха, аполитик игәамбзиара иахҟьаны ԥхьатәара дцар акәхоит, уи аан имаз аҳаҭыр ицәыӡуам.<ref>https://www.istmira.com/drugoe-novoe-vremya/16566-uinston-cherchill-kratko.html</ref> == Черчилль ихатәы ԥсҭазаара == Уинстон Черчилль ихатәы ԥсҭазаара, аӡәырҩы аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, «иԥшӡаз, абзиабара зцыз романуп». Еицырдыруаз британиатәи аполитик иԥсҭазаара зегьы бзиа иибоз аԥҳәызба длабадырит 1908 шықәсазы, иаразнакгьы ԥҳәысс дигеит. Клементина Хозиер лондонтәи аристократцәа дрыԥҳан. Британиатәи аԥыза - министр иԥҳәыси иареи 57 шықәса еицынхон – лара Черчилль изын дҩызан, насгьы зегь реиҳа ихадаз политикатә абжьгаҩын, лара лажәа анаҩс акәын Черчилль ихадаз аӡбамҭақәа анидикылоз. Аполитик иԥҳәыс жәеиза шықәса дышиеиҵбызгьы, лара илылшеит аҭаацәара аҟны абзиабара аиқәырхара, насгьы лараӡәзаҵәык лоуп Черчилль имариамыз иҟазшьа ачҳареи анаалареи зылшаз. Клементина илыхшеит хәҩык ахшара, ахәыҷқәа зегьы ари аҭаацәараҿы бзиа ирбон еилых ҟамҵакәан. Британиатәи аԥыза- министр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, иԥшәмаԥҳәыс игәалашәара еснагь илыцын, иара иԥсы анҭаз иаамҭа аиҳарак зегьы аказино аҟны ахәмаррақәа ишрықәирӡуазгьы. Уинстон Черчилль иԥсыжра ашьҭахь, Клементина лыԥсҭазаара ҵакыданы илзыҟалеит, дишьҭаларгьы лҭахын, аха Уинстон Черчилль иажәақәа «Иҟалалакгьы, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы аҽаҭара аҭахым» - ҳәа ииҳәоз ажәақәа дааныркылоит. Анаҩстәи жәаҩа шықәсатәи лыԥсҭазаара зегьы алитературатә усура иазылкуеит, Британиа аԥхьагыла ихыркәшамыз имемуарқәа ҭлыжьуеит.<ref>{{Cite web |url=https://rutlib5.com/book/23712/p/3 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-01-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240129201836/https://rutlib5.com/book/23712/p/3 |url-status=dead }}</ref> == Уинстон Черчилль иԥсра == Уинстон Черчилль иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 24, 1965 шықәсазы. Еицырдыруаз аполитик, [[Британиа Ду амонархцәа|Британиа Ду]] аԥыза-министрс иҟаз Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль иԥсҭазаара далҵит 90 шықәса дшырҭагылаз. Уаанӡатәи Британиа аԥыза-министр иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьаз изныкымкәа исхьаз аинсульт ауп. Черчилль иԥсыжра аҳәынҭқарратә формат ала имҩаԥысит Елизавета II лнапхгарала – ас еиԥш ҳаҭырла Британиа Ду аҭоурых аҟны анышә иамардахьоу жәаҩык роуп.<ref>https://ritual.ru/poleznaya-informacia/articles/pokhorony-uinstona-cherchillya/</ref> Атәыла аҭоурых азы аполитик иԥсыжра даара зымҽхак ҭбааз церемониан, уи иалахәын акралра аҭаацәа зегьы реиԥш, 112 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәагьы. Уинстон Черчилль иԥсыжра хыԥхьаӡара рацәала адунеи ателеканалқәа ишиашоу ицо аефир ала иддырбон, уи еиԥш арбара иалнаршеит еицырдыруаз британиатәи аполитик 350 миллионҩык ауаа ртелербагақәа рекранқәа рыла абзиараз ҳәа иарҳәартә еиԥш алшара рыҭара. Черчилль игәазыҳәара инақәыршәаны, анышә дамадан ауахәама Иԥшьоу Мартин иаҵанакуаз блеидонтәи аԥсыжырҭа аҟны, уи иара иабшьҭра рынхарҭа аҭыԥ иацәыхарамызт. Уинстон Черчлль анышә иамадара иалахәын иҭаацәеи иҩызцәа гәакьацәеи рымацара.<ref>{{Cite web |url=https://prichina-smerti.ru/smert-mnogogrannogo-britanskogo-premer-ministra-uinstona-cherchillya |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-01-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240129201836/https://prichina-smerti.ru/smert-mnogogrannogo-britanskogo-premer-ministra-uinstona-cherchillya |url-status=dead }}</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Абҵарамза 30 рзы ииз]] [[Акатегориа:1871 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Ажьырныҳәамза 24 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1965 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Британиатәи политикцәа]]
Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль (;  — , Лондон) – британиатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы, аполитик, ҩынтә Британиа Ду аԥыза-министрс далырххьан. Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, алитература ахырхарҭала адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Арратә чын – аполковник. Британиатәи академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла. Анысмҩа Уинстон Черчилль – аҩажәатәи ашәышықәсазтәи еицырдыруаз политикын. Уи иусура Британиа азеиԥш, адунеитә политика зегь азынгьы даара аҵак ду аман, аха ҳаамҭазтәи ауаажәларра рҟны уи еиуеиԥшымкәаны иахәаԥшуеит: џьоукы уи игәымшәара иаршанхозар, иполитикатә хымҩаԥгашьа џьаршьоит, егьырҭ ракәзар, ипозициа агәынамӡара рызцәырнагоит, избанзар уи адунеи напхгара азҭалаша ауаа шкәакәақәа роуп ҳәа ахьиԥхьаӡоз азы.https://obrazovaka.ru/alpha/c/cherchill-uinston-churchill-winston Черчилль иаартны адиктатура дшазықәԥозгьы, иӡомызт Бенито Муссолинии Иосиф Сталини русушьа даара дшазҿлымҳаз, агәахәара шинаҭоз, урҭ инапхгараҭара аамҭазы атоталитартәии хаҭалатәии арежимқәа рышьаҭаркыҩцәас иҟан Италиеи СССР‑и. Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль диит абҵарамза 30, 1874 шықәсазы, агерцогцәа Мальборо рышьҭраҿы, Блеихеимтәи ахан аҟны. Иара иҭаацәа даара знапы акракыз, анырра ӷәӷәа змаз уаан – иаб, алорд Рендольф Генри Спенсер, еицырдыруаз политикын, насгьы Британиа Аказначеира Аканцлерс дыҟан, иан – Дженни амал ду змаз америкатәи анаплакҩы диԥҳан. Аԥхьаҟа иполитикхараны иҟаз Уинстон Черчилль раԥхьатәи хәыҷын иҭаацәара аҟны, аха иани иаби рыбзиабара уиаҟара иныруамызт, избанзар иаб еснагь аполитикатә ԥсҭазаара, акариера акәын дзызҿлымҳаз, иан лакәзар, ԥсҭазаара ԥшӡа дазкын. Убри аҟынтә Уинстон хәыҷы иааӡара лнапы ианын ааӡаҩы Елизабет Енн Еверест, уи Черчилль изын зегь реиҳа игәакьаз уаҩхеит.https://nacion.ru/477206a-uinston-cherchill-biografiya-godyi-jizni-lichnaya-jizn-i-interesnyie-faktyi Дани инаркны, аԥхьаҟа Британиа аԥыза-министрны иҟалараны иҟаз «иреиҳаӡоу акаста» далахәылахеит, уи иалнаршон иара иполитикатә кариеира аҟны аԥынгылақәа иҭара, избанзар аамсҭацәа рхылҵшьҭра змаз азин рымамызт Аилазаара Апалата алаларазы, насгьы атәыла анапхгараҭаратә ҭыԥқәа раанкыларазы. Аха, излеилкаахаз ала, Уинстон Черчилль аамсҭцәа дырхылҵшьҭра иашаны дыҟамызт, уи алшара инаҭеит политик дуны аҟаларазы. Быжьшықәса анихыҵуаз Черчилль иарку ашкол Сент-Џьорџь иҟаз ахь ддәықәырҵоит, уа ааӡара еиҳа иазхьаԥшуан, ашколхәыҷқәа рҵара аасҭа. Арҵаратә усҳәарҭа аҟны Уинстон аҵара шиҭахым ааирԥшит, насгьы аҩныҵҟатәи ахымҩаԥгашьазы аԥҟарақәа дышрықәшаҳаҭым, дшырҿагыло, уи иахырҟьаны изныкымкәан аҷын дадыргахьан. Уи ибаразы уахь лассы-лассы инеиуаз иааӡаҩ аҷкәын ашәытарақәа инны ианылба, илылшоз зегьы ҟалҵеит Черчилль даҽа школк ахь ииагаразы. Аха, аиҳәшьцәа Томсонаа британиатәи рышкол аҟынгьы Черчилль аҵара бзиа изымбеит, уи аҟынтә иара иакәын ари ашкол аҟны зегьы иреицәаны аҵара зҵоз ҳәа иԥхьаӡаз. Жәаҩа шықәса анихыҵуаз Уинстон Черчилль игәабзиара уашәшәырахо иалагеит – иара агәаҵәыхь ихьыз иахҟьаны ирҳәарах зегьы арԥсыҽит. Уи азы Итонтәи, Мальборо аимшьҭра иаҵанакуаз ахацәа зегьы аҵара ахьырҵоз, итрадициатәыз иреиҳау аҵараиурҭа дызҭамлеит, аха иҵара иациҵеит Херроутәи аколлеџь аҟны.https://kratkoe.com/uinston-cherchill-kratkaya-biografiya/ Иара абраҟагьы Черчилль аҵара дазгәышьуамызт, амаҭәарқәа еилихуан – ииҵозгьы иара интерсс имаз акәын, егьырҭ зегьы хьаас икымызт, рҵарагьы игәы иҭамызт. Убри аҟынтә, 1889 шықәсазы иара диаган «арратә класс» ашҟа, ари акласс аҟны аҵара апрограмма аҟны хадара змаз арратә ус акәын. Абраҟа ауп, имӡырҩуаз аҵаҩы Уинстон даара иҭышәынтәалаз студентны дахьыҟалаз. Иара дыруаӡәкхеит ари аҵараиурҭа иалгаз 12-ҩык рахьтә амаҭәарқәа зегьы рзы аԥышәарақәа раҭара зылшаз рыбжьара аҟалара, уи Черчилль алшара инаҭеит Британиа Ду аҟны зегьы иреиӷьыз арратә ҵараиурҭа аҭаларазы, дагьалгоит алеитенант еиҵбы ичын иманы.https://24smi.org/celebrity/1597-uinston-cherchill.html Арратә кариера 1895 шықәсазы, арратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, Черчилль дахыԥхьаӡалан аԥшьбатәи агусарцәа рполк, аха аамҭак ааҵхьаны еиликааит арратә кариера иара ишитәым. Иан лыла имаз аимадарақәа ирыбзоураны, уи аамҭазы лара Рендольф Черчилль иԥҳәысеибахахьаз, Уинстон Черчилль Кубаҟа ддәықәҵан, арратә корреспондентс, убри аан арратә маҵзура дахысуазшәа дахыԥхьаӡалан. Ажурналистк иаҳасбала иусура, аполитик даара ахьӡи аԥшеи ауаажәларратә азхаҵареи изаанагеит, иара убасгьы алшара инаҭеит раԥхьатәи ихатә ԥара арҳаразгьы, уи ишьақәнаргылеит 25 гинеи. Ахьӡ-аԥшеи аԥареи рнаҩсгьы, Кубантәи Черчилль иааигеит иԥсҭазаара зегьы иныҟәигоз аҟазшьақәа – кубатәи асигарақәа рыхара, насгьы асиеста ақәныҟәара, уи иаанагоз шьыбжьышьҭахьтәи аԥсшьара акәын. 1896 шықәсазы, Черчилль ижурналисттә ныҟәарақәа ирыциҵеит, дагьдәықәҵан Индиаҟа, анаҩс Мысраҟа (Египет). Ара Черчилль ирратә ҟазара ааирԥшит, иара иафицартә усқәа зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуан.https://moluch.ru/young/archive/14/1058/ Аполитика 1899 шықәсазы, Уинстон Черчилль ԥхьатәара дцарц иӡбеит, насгьы игәы иҭеикит ихы аполитика иазикырц. Убри аамҭазы Черчилль еицырдыруаз журналистын аҟынтә, ауаажәларратә дгылара иоуп ҳәа дақәгәыӷуан. Апарламент ахь анеиразы раԥхьатәи ашьаҿақәа Аконсервативтә партиа аилазаара ала аус лҵшәадахеит – алхыҩцәа алибералцәа ахьалырхуаз иахҟьаны. Аамҭак азы аполитика иацәхьаҵыз Черчилль, даҽа зныкгьы, журналистк иаҳасаб ала ныҟәара дцоит. Дагьдәықәырҵоит Ладатәи Африкаҟа, уа Англо-буртәи аибашьра цон. Черчилль ара аҿагылаҩцәа шасыс дыргоит, аха абналара илшоит, уи Черчилль изын ихьыӡҭыгагаз аамҭахоит политикк иаҳасаб ала: алхыҩцәа рыбжьқәа ирҭарц рҳәеит, иполитикатә зыҟазаашьақәа хьаас имкыкәаны. Убри аан иара иӡбоит аибашьра адәахьы агьежьра, ихгьы алаирхәуеит абналара ахьилшаз абахҭа аҟынтәи аӡәырҩы рыхрақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа.https://diletant.media/articles/45268646/ Черчилль игәымшәаратә хҭысқәа иԥсадгьыл ахь дфырхаҵаны агьежьразы алшара ирҭеит – уи даара имарианы апарламенттә алхрақәа рҟны аиааира агара илшеит. Ари ҟалеит 1900 шықәсазы, дагьалалоит Апалатақәа реилазаара, иагьилшоит ари аҭыԥ аҟны 50 шықәса инеиԥынкыланы аҟазаара. Иара убри ашықәазы икьыԥхьуеит илетературатә ԥҵамҭа заҵәы, ароман «Саврола», уа, аҭоурыхдырҩцәа ргәаанагара ала, аполитик фырхаҵа хаданы ихы ааирԥшит. Апарламент аҟны раԥхьатәи амшқәа инадыркны Уинстон Черчилль аконсерваторцәа рганахь ала акритика ҟаҵо, ԥхашьара ҟамҵакәаны дықәгылон, уи атәыла аидеолог хада Џьозеф Чемберлен ипрограмма дшақәшаҳаҭым атәы иҳәон. Убри аҟынтә аԥхьаҟа Британиа Ду иаԥыза-министрхараны иҟаз, ԥшьышықәса рнаҩс Аконсервативтә партиа аанижьит, алибералцәа рахь диасит – ари ашьаҿа алшара инаҭеит аполитикатә кариера аҟаҵаразы. Раԥхьа иара аколониа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит, анаҩс иара ахәаахәҭра аминистрс дҟаҵан, уи анаҩс аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭан, шықәсык ааҵхьаны Черчилль арра-мшынтә мчқәа дырминистрхеит, убри алагьы зегь реиҳа иқәыԥшыз политикхеит, Британиа акыр анырра ду змоу аҭыԥқәа аанызкылоз рахьтә. Арра- мшынтә мчқәа рминистрс даныҟаз Уинстон Черчилль ажәлар ирылаҩыз аус дақәшәеит: иара ихарала Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Британиазы ирыцҳарахеит Дарданнеллтәи арратә операциа ахыркәшара, уи башаӡа иалаӡит 250-нызқьҩык англиатәи асолдаҭцәа. Ари агха ду ахьаршшаразы аполитик ԥхьатәара дцеит, насгьы хатәгәаԥхарала афронт ахь дцоит. Шықәсқәак рнаҩс, Дарданеллы акәшамыкәша ацәажәарақәа анеиԥхьба анаҩс, Черчилль дырҩегьых аиҳабыра рахь дгьежьуеит, уа арратә еиқәыршәара аминистр иҭыԥ ааникылоит, аха арагьы ишахәҭаз еиԥш ихы изаамырԥшит аҟынтә, даҽа шықәсқәак аполитика мап ацәикыр акәхеит.http://history-doc.ru/uinston-cherchill/ Британиа аԥыза-министр Уинстон Черчилль аполитикахь игьежьра Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра иадҳәалоуп, Германиа Польша ианақәла аамҭазы, уи ашьҭахь Британиа ду Адольф Гитлер ишиабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Абри аан Уинстон Черчилль идыргалоит Адмиралра Актәи Алордс аҟалара, уи алшара инаҭон Арратә хеилак аҟны абжьаҭаразы азин, иара ахааназгьы итәыла аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы гәыӷра ахьыҟаимҵацыз иахҟьаны, амчрақәа агәра ргон ишилшо имилаҭ аиааира агарахьы амҩа рықәҵара. Атәыла амобилизациа амыругақәа зегьы знапаҟны иҟалаз Черчилль илшеит Гитлертә Германиа иаҿагыланы ақәԥаразы ахырхарҭа дуқәа рыԥшаара, дагьыҟалоит Британиа аԥыза-министрны, Англиа азы зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазы. Уинстон Черчилль иааирԥшуаз ақәыӷәӷәареи аҭагылазаашьа ииашаны аилкаареи алшара инаҭеит қәҿиарала аибашьра амҩаԥгара, аиааира аагара, иагьаԥиҵоит аиааиратә коалициа Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рҟны.https://nacion.ru/477206a-uinston-cherchill-biografiya-godyi-jizni-lichnaya-jizn-i-interesnyie-faktyi Абольшевизм иаҿагылоз Черчилль Гитлери Сталини рыбжьара аҵыхәтәантәи далихуеит, уаҳа ԥсыхәагьы имамызт. Лаҵарамза 1942 шықәса рзы америкатәии урыстәылатәии аԥхьагылаҩцәа Франклин Рузвельти Иосиф Сталини рҟны Черчилль инапы аҵаиҩуеит акрызҵазкуаз адокумент, Гитлер иҿагылоз акоалициа аԥҵаразы, хьӡыс иаман «Атлантикатәи ахартиа», уи иаанарԥшуан аекономикатәи аполитикатәи ҭынчреи азини атәылақәа - аидгылаҩцәа рыбжьара Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь. 1945 шықәсазы Британиа Ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, СССР имҩаԥыргоит Иалтатәи аконференциа, уи ишьақәнаргылеит аибашьрашьҭахьтәи адунеи аполитикатә хсаала. Усҟан «Большая троика» аԥхьагылацәа ирыӡбеит Германиа ԥшь-оккупациатә хәҭакны ишатәуп ҳәа, уи ашьҭахь СССР аилазаарахь ихынҳәуеит Прибалтика, Мраҭашәаратәи Украина, Белоруссиа, Бессарабиа, Буковина, Корелиа. Иара убасҟан Асовет Еидгыла Иапониатәи аибашьра алахәхара атәы рыланаҳәеит, уи азын СССР иадҵахон Ладатәи Сахалини Курилтәи адгьылбжьахақәеи. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга анаҩс, адунеи зегьы ҩ-политикатә системакны аҽеиҩнашеит, Черчилль иакәзар, Мраҭашәарахь ааԥхьара ҟаиҵеит, акоммунисттә Мрагылара иаҿагыланы аҽеизакразы, абольшевизм аԥыхразы. Аха, уи аамҭазы Черчилль аполитика ду аанижьыр акәхеит, избанзар аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Британиа Ду ицәырҵуа иалагеит аекономикатә проблемақәа, атәыла адәныҟатәи ауал иазҳаит, агәыларатәи аколониақәеи Британиеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа уадаҩхеит. Арҭқәа зегьы, Уинстон Черчилль апарламенттә алхрақәа раан аиааира игартә иҟарымҵеит, иаргьы ԥхьатәара дцеит.https://www.partner-inform.de/partner/detail/2002/12/233/6146/uinston-cherchill-poslednij-iz-velikobritancev? Уи аамҭазы Черчилль аиҳабыратә оппозициа дахагылоит, аха Апалататә еилазаара аҟны рацәак дцәырҵуамызт, ихы зегьы алитературатә рҿиара иазикит. 1951 шықәсазы, усҟан Уинстон Черчилль 76 шықәса ихыҵуан, даҽазныкгьы Британиа аԥыза-министрс дҟалоит, ԥшьышықәса инеиԥынкылангьы атәыла напхгара аиҭон. Иполитикатә усура аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы Уинстон Черчилль адәныҟатәи аполитика иазикит, насгьы атәыла аиадертә потенциал аҿиара, уи ала иара иҭахын Британиа арратә мчхара азыргьежьра. Аха, аполитик игәамбзиара иахҟьаны ԥхьатәара дцар акәхоит, уи аан имаз аҳаҭыр ицәыӡуам.https://www.istmira.com/drugoe-novoe-vremya/16566-uinston-cherchill-kratko.html Черчилль ихатәы ԥсҭазаара Уинстон Черчилль ихатәы ԥсҭазаара, аӡәырҩы аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, «иԥшӡаз, абзиабара зцыз романуп». Еицырдыруаз британиатәи аполитик иԥсҭазаара зегьы бзиа иибоз аԥҳәызба длабадырит 1908 шықәсазы, иаразнакгьы ԥҳәысс дигеит. Клементина Хозиер лондонтәи аристократцәа дрыԥҳан. Британиатәи аԥыза - министр иԥҳәыси иареи 57 шықәса еицынхон – лара Черчилль изын дҩызан, насгьы зегь реиҳа ихадаз политикатә абжьгаҩын, лара лажәа анаҩс акәын Черчилль ихадаз аӡбамҭақәа анидикылоз. Аполитик иԥҳәыс жәеиза шықәса дышиеиҵбызгьы, лара илылшеит аҭаацәара аҟны абзиабара аиқәырхара, насгьы лараӡәзаҵәык лоуп Черчилль имариамыз иҟазшьа ачҳареи анаалареи зылшаз. Клементина илыхшеит хәҩык ахшара, ахәыҷқәа зегьы ари аҭаацәараҿы бзиа ирбон еилых ҟамҵакәан. Британиатәи аԥыза- министр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, иԥшәмаԥҳәыс игәалашәара еснагь илыцын, иара иԥсы анҭаз иаамҭа аиҳарак зегьы аказино аҟны ахәмаррақәа ишрықәирӡуазгьы. Уинстон Черчилль иԥсыжра ашьҭахь, Клементина лыԥсҭазаара ҵакыданы илзыҟалеит, дишьҭаларгьы лҭахын, аха Уинстон Черчилль иажәақәа «Иҟалалакгьы, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы аҽаҭара аҭахым» - ҳәа ииҳәоз ажәақәа дааныркылоит. Анаҩстәи жәаҩа шықәсатәи лыԥсҭазаара зегьы алитературатә усура иазылкуеит, Британиа аԥхьагыла ихыркәшамыз имемуарқәа ҭлыжьуеит. Уинстон Черчилль иԥсра Уинстон Черчилль иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 24, 1965 шықәсазы. Еицырдыруаз аполитик, Британиа Ду аԥыза-министрс иҟаз Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль иԥсҭазаара далҵит 90 шықәса дшырҭагылаз. Уаанӡатәи Британиа аԥыза-министр иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьаз изныкымкәа исхьаз аинсульт ауп. Черчилль иԥсыжра аҳәынҭқарратә формат ала имҩаԥысит Елизавета II лнапхгарала – ас еиԥш ҳаҭырла Британиа Ду аҭоурых аҟны анышә иамардахьоу жәаҩык роуп.https://ritual.ru/poleznaya-informacia/articles/pokhorony-uinstona-cherchillya/ Атәыла аҭоурых азы аполитик иԥсыжра даара зымҽхак ҭбааз церемониан, уи иалахәын акралра аҭаацәа зегьы реиԥш, 112 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәагьы. Уинстон Черчилль иԥсыжра хыԥхьаӡара рацәала адунеи ателеканалқәа ишиашоу ицо аефир ала иддырбон, уи еиԥш арбара иалнаршеит еицырдыруаз британиатәи аполитик 350 миллионҩык ауаа ртелербагақәа рекранқәа рыла абзиараз ҳәа иарҳәартә еиԥш алшара рыҭара. Черчилль игәазыҳәара инақәыршәаны, анышә дамадан ауахәама Иԥшьоу Мартин иаҵанакуаз блеидонтәи аԥсыжырҭа аҟны, уи иара иабшьҭра рынхарҭа аҭыԥ иацәыхарамызт. Уинстон Черчлль анышә иамадара иалахәын иҭаацәеи иҩызцәа гәакьацәеи рымацара. Азгәаҭақәа Акатегориа:Абҵарамза 30 рзы ииз Акатегориа:1871 шықәсазы ииз Акатегориа:Ажьырныҳәамза 24 рзы иԥсыз Акатегориа:1965 шықәсазы иԥсыз Акатегориа:Британиатәи политикцәа
37740
https://ab.wikipedia.org/wiki/Кастро,_Фидель
Кастро, Фидель
[[Афаил:Fidel_Castro_in_Washington_(cropped).jpg|мини|Фидель Алехандро Кастро]] '''Фидель Алехандро Кастро''' ({{lang-es|Fidel Alejandro Castro Ruz}}; {{date|13|8|1926}}, Биран, Ориенте, [[Куба]] — {{date|25|11|2016}}, [[Гавана]], Куба) – кубатәи револиуционеруп, ҳәынҭқарратә, политикатә, партиатә усзуҩуп. Куба напхгара аиҭон 1959 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/5209181 |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2022-10-21 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221021085012/https://bigenc.ru/world_history/text/5209181 |url-status=dead }}</ref> == Анысмҩа == Фидель Кастро – адунеи аҟны еицырдыруа акоманданте, ԥсахра зқәымыз кубаа раԥхьагыла, Куба ҩынҩажәи жәаба шықәса инеиҳаны напхгара аиҭон. Уи иусуреи иԥсҭазаареи акыр алегендақәа адҳәалоуп, урҭ лассы-лассы ишеиқәҿырымҭуагьы. Џьоукы Фидель Кастро дрыԥхьаӡон жәлары зегьы дырнапхгаҩны, даҽа џьоукы зегь реиҳа иџьбараз, игәымбылџьбараз диктаторны. Фидель Кастро инысмҩа еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла ибеиоуп, иара иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны 600 инарзынаԥшуа ишьразы аҽазышәарақәа аҭыԥ роухьан. Фидель Кастро Кубатәи ареволиуциа даԥхьагылахеит, Еиду Америкатәи Аштатқәа зегь реиҳа ишәарҭаз ӷас иԥхьаӡон, СССР-и Кубеи ракәзар, аиадертәи аекономикатәи хеилак еицалан.<ref>https://24smi.org/celebrity/1248-fidel-kastro.html</ref> == Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа == Фидель Кастро диит нанҳәамза 13, 1926 шықәсазы Кубатәи идуцәам апровинциатә қалақь Биран аҿы, адгьыл ақәаарыхҩи аҩныԥҳәыси рҭаацәара аҟны. Аԥхьаҟа атәыла анапхгаҩыс иҟалараны иҟаз Фидель иҭаацәа аҵара рымамызт аҟынтә, рыхшаз аҵарадырра бзиақәа ахьроурыз иашьҭан. Фидель Кастро дхәыҷаахыс ихшыҩ даара ибзиан, агәынкылара ҷыда иман аҟынтә, аҵара ахьиҵоз ашкол аҟны аҵаҩцәа зегьы дреиӷьны ихы ааирԥшуан. Аҵара бзианы иахьиҵоз анаҩсгьы, даара амбициатә ҟазшьақәа иман, ареволиуциатә ҟазшьақәа иныԥшуан. Жәаха шықәса анихыҵуаз иаб иплантациа аҟны аусуцәа рықәгыларақәа ихы рылаирхәуан, уа иара аԥхьагыларатә позициақәа ааникылон.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-fidel-kastro.html</ref> 1941 шықәсазы аԥхьаҟа кубаа раԥхьагылас иҟалараны иҟаз Фидель Кастро ибзиаӡаны ашкол далгеит, зыхьӡ нагаз аколлеџьгьы дҭалоит, уа иара еснагь ақәԥарақәа ирылахәыз иакәны дыргәалашәоит. Аколлеџь ашьҭахь Фидель Кастро Гаванатәи ауниверситет аиуристтә факультет дастудентхоит. Истуденттә шықәсқәа раан ареволиуциатә шәҟәқәа рыԥхьара дагәыланахалоит, урҭ ареволиуционер иҟазшьақәа иларааӡон. Усҟан иара акоммунистцәа уиаҟара игәы иақәшәомызт, зны дыхәмарны иҳәеит: «Сталин ҳәа сзырҳәозар, сазыхиоуп!» ҳәа. 1950 шықәсазы Фидель Кастро азиндырҩы идиплом иоуит, ахатәы усгьы ааиртуеит, уи аусура ззырхаз амал змамыз ауаа рыцҳақәа азиндырратә цхыраара рзыҟаҵара акәын. Аԥхьаҟа командантес иҟалараны иҟаз Фидель жәлар рдукатс дҟалоит, иара ауааԥсыра амалаҳәа русқәа рыӡбара дахаҵгылон, уи иабзоураны ауаажәларра рҟны акыр адгылара иоуит.<ref>https://warspot.ru/6840-kastro-yunost-komandante{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=March 2025 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> == Аполитика == Фидель Кастро иполитикатә кариера ареволиуциатә ҟазшьа амоуп. Раԥхьа иара Куба жәлар Рпартиа далахәылахоит, уаантәи иара апарламент ахь анеира иҽазишәоит. Аха раԥхьатәи аҽазышәара лҵшәадахеит – иара икандидатура шьақәдмырӷәӷәеит арадикализм иахҟьаны. Анаҩс, иӡбоит даҽа мҩакы алхра, уи азын адиктатура иаҿагыланы иқәԥоз драԥхьагылахоит, урҭи иареи 1953 шықәсазы усҟантәи Куба ахадас иҟаз Фульхенсио Батиста иганахь ала ачарҳәара еиҿыркаауеит. Амчрахь анеиразы ари аҽазышәарагьы лҵшәадахоит, ачарҳәара аан Фидель Кастро иҩызцәа аӡәырҩы ҭархан, ареволиуционер ихаҭа 15 шықәса иқәҵаны дҭакын.<ref>https://tass.ru/mezhdunarodnaya-panorama/3525452</ref> Аха ҩышықәса ааҵхьаны, Фидель Кастро амнистиа дақәшәоит, абахҭа аҟынтә доужьын, уа дыҟан 22 мзы. Иаурыжьыз Фидель атәыла далҵит, Мексикаҟа нхара дцеит. Уа еиҿикаауеит ареволиуциатә ҵысра «Движение 26 июля» зыхьӡиҵаз, Батиста изырхаз ачарҳәара амш агәалашәаразы. Ари аҵысра иалалеит усҟантәи аамҭазы еицырдыруаз ареволиуционерцәа аӡәырҩы, Ернесто Че Гевара иеиԥш иҟаз, иара убасгьы Кастро иашьа Рауль Кастро. Фидель Кастро иԥсадгьыл ахь игьежьра иара изын еиԥш Куба жәлар рзынгьы илахьынҵатәхеит – ақәгылаҩцәа рырхәҭақәеи иареи ирылшеит Гавана анапахьы аагара, насгьы Батиста ирежим ахҳәара, уи Фидель Кастро алшара инаҭеит раԥхьа кубатәи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩыс аҟалара, аамҭак анаҩс атәыла аԥыза-министр иҭыԥ аанкылара.<ref>https://www.istmira.com/drugoe-noveyshee-vremya/18906-fidel-kastro-rus-kratko.html</ref> == Куба Аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы == 20 шықәса инарзынаԥшуа аҳәынҭқарра анапхгараҭара иалагӡаны Фидель Кастро аҳәынҭқарра зегьы еиҭашьақәиргылеит – атәыла аамҭа кьаҿк иалагӡаны ишәҭит, еиҵыҵит, аекономика акәзар, даара ишьҭыҵит. Куба ахада Фидель еиҳаракгьы дацклаԥшуан асоциалтә хырхарҭа аҟны аҿиара, амедицина ауааԥсыра рзын ихәыдаԥсадахеит, аҵарадырра аҳаракыра акәзар, 98% рҟынӡа ишьҭыхын. Иара убасҟан имҩаԥган ахатәы компаниақәа рмилаҭркра, насгьы СССР-и Кубеи «аиҩызаратә» еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵан.<ref>https://biographe.ru/politiki/fidel-kastro/</ref> 1962 шықәсазы адгьылбжьаха аҟны иқәыргылан асоветтә иадертә ракетақәа, уи иахҟьаны Еиду Америкатәи Аштатқәеи Кубеи реизыҟазаашьақәа бжьысит. Мраҭашәареи Кубеи реиӷарара иарҿиеит адгьылбжьаха аҟны Карибтәи акризис, уи иахҟьаны Кастро идгылаҩцәа аӡәырҩы атәыла аҟынтә ибналеит, америкаа ирыдгылеит. Аха, ус шакәызгьы, кубаа рхада дызныз, адунеитә капитализм ақәхра ахырхарҭа амҩа дацәхьамҵит, уи адгылара аиҭон Ангола, Афганисҭан, Аладатәи Иемен, Ефиопиа, Сириа, Алжир, Никарагуа, Ливиа уҳәа адунеи ахԥатәи атәылақәа рҟны ареволиуциатә ҵысрақәа. ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа ралагамҭазы Куба аекономикатә еизҳареи аҭышәынтәалареи аангылеит уҳәар алшоит, усҟан СССР ари атәыла афинансттә цхыраара азыҟаҵарагьы иаҟәыҵит. Ари аекономикатә кризис ахь икылнагеит, Кубагьы адунеи аҟны зегь реиҳа иӷарыз тәылахеит. Абарҭқәа ирыхҟьаны ауаа атәыла ааныжьны Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь нхара ҳәа ацара иалагеит, Куба акәзар, аоппозициа ахаҭарнакцәа Фидель Кастро ирежим ахҳәаразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара иалагеит. Ҩ- нызқьи фба шықәсазы игәамбзиара иахҟьаны, кубаа раԥхьагыла изинмчқәа зегьы иашьа гәакьа Рауль Кастро инапы ианиҵар акәхеит, уи 2008 шықәсазы Куба анапхгаҩыс дагьыҟалоит, избанзар Фидель Кастро уаҳа атәылеи кубатәи аруааи напхгара рыҭара илшомызт.<ref>http://evolutio.info/ru/journal-menu/2016-3-4/2016-3-4-chelyadinsky</ref> == Ишьразы аҽазышәарақәеи игәабзиареи == Фидель Кастро ишьразы аҽазышәарақәа инысмҩа аҟны зегь реиҳа излацәажәо хҭысқәоуп. Иҟоуп убас еиԥш аинформациа, Фидель Кастро Куба напхгара анеиҭоз аамҭеи, СССР-и иареи русеицуреи раан америкатәи ЦРУ 600-нтә инарзынаԥшуа иԥсҭазаара иалхразы аҽазышәарақәа ҟарҵеит ҳәа. Аха, иара убасгьы иҟоу адыррақәа рыла, арҭ ишьразы аҽазышәарақәа аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзын иааныркылон, адгьылбжьаха ҷыдалатәи агентцәа иаԥдырҟәҟәаауан. Фидель Кастро ишьра рҽазыршәеит аӡаҵаҟатәи ашәарыцара аан, атапанча хәыҷы арепортиор икамера иҭаргылан, иара убасгьы дызхоз асигарақәа ашҳам рыларҵахьан, аха акагьы рылымшеит. 2006 шықәсазы Фидель Кастро игәабзиара даара иуашәшәырахеит, аха уи адгьылбжьахабжа азы ҳәынҭқарратә маӡа дуун. Аха, ус шакәызгьы, кубаа раԥхьагыла иаӷацәа ирылшеит иара игәамбзиарақәа ртәы ауаажәларра рҟынӡа анагара, насгьы уи атәы ҳәан америкатәи ЦРУ ажәахәқәа руак аҟны.<ref>https://www.bbc.com/russian/features-38123339</ref> Еилкаауп акы, 1998 шықәсазы Фидель Кастро ачымазара паркинсон дшаргәамҵуаз. Иара убасгьы, Кубантәи ибналаз иара иҳақьым еиҭеиҳәеит аполитик акьыба чымазарагьы шихьуаз, 1989 шықәсазы аԥҟарагьы шихигаз, ихы аҟны ашьеилалара иахҟьаны. Ас еиԥш адыррақәа ирыхҟьаны еицырдыруаз Куба акоманданте Фидель Кастро амассатә информациа ахархәагақәа изныкымкәа дыԥсит ҳәа рыларҳәахьан, аха нас иара иаалырҟьаны ауаажәларра рҟны даацәырҵуан, уи алагьы иара иԥсра иадҳәалаз амассатә цәажәарақәагьы еиԥхьирбон. 2014 шықәсазы Фидель Кастрои Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысуеит. Кубаа раԥхьагылеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылара ашьҭахь, Лавров иазгәеиҭеит Кастро имч-илша рацәак ишыҟам, аха уи иблақәа аԥсҭазаара ишазыҳәо, насгьы, иара дшырзыхиоу ареволиуциа ҿыцқәа рымҩаԥгара.<ref>https://www.maximonline.ru/longreads/_article/13-samykh-neveroyatnykh-popytok-ubit-fidelya-kastro/</ref> == Фидель Кастро ихатәы ԥсҭазаара == Фидель Кастро ихатәы ԥсҭазаарагьы, игәабзиара еиԥш, иарку, имаӡоу темоуп ауаажәларра рзын. Идыруп иара иԥсҭазаара аҟны ишыҟаз хҩык бзиа иибоз аҳәса, урҭ ирыхшеит быжьҩык ахәыҷқәа, аха закәанла ииз ԥазаҵәык иоуп. Фидель Кастро актәи иԥҳәыс Мирта Диас Баларт, Куба аиҳабыра рминистр Батиста иԥҳа лакәын. Уи Куба ахадас иҟалаз Фидель изын длыхшеит аԥа Фиделито, аамҭаказы аурыс ҭыԥҳа ԥҳәысс дызмаз. Фидель Кастро аҩбатәи иԥҳәыс лакәын, 50-тәи ашықәсқәа раан гаванатәи аԥшӡа ҳәа иԥхьаӡаз, Нати Ревуельта, уи длыхшеит аԥҳа Алина. Кубаа раԥхьагыла ари иԥҳа данқәыԥшӡаз, маӡала испаниатәи атәылауаҩшәҟәы ҟаҵаны, Кубантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь дыбналаны дцеит. Алина лгәалашәарақәа рыла, Кастро, ианеиҵаха, даҽа хәҩык ахшара иман, урҭ лыхшеит иара бзиа иибоз аԥҳәызба Делив Сото. Официалла Кастро ахԥатәи иԥҳәыс Селиа Санчес акыршықәса иара цхырааҩыс диман, аха лара 1985 шықәса рзын лҽылшьуеит.<ref>{{Cite web |url=http://www.cuba-vision.com/info/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-29 |archive-date=2021-07-28 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210728040539/http://www.cuba-vision.com/info/ |url-status=dead }}</ref> == Адинхаҵара == Фидель Кастро акатоликатә уахәама аҟны днаҭын. Иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, иара анафема даҭан ҳәа, аха Фидель Кастро ауахәама иаҟәыгаразы ҭахра ҳәа ыҟамызт, избанзар усҟантәи аамҭазы аус ауан «акоммунистцәа ауахәама раҟәыгара» ҳәа изышьҭаз, азакәан рылеиҳәеит. Уи 1949 шықәса ԥхынгәымза аказы римтәи папа Пием XII, насгьы уи шьақәырӷәӷәан Акотоликатә уахәама акононтә зинқәа Ркодекс ала. 2012 шықәсазы, Фидель Кастрои римтәи папа Бенедикт XVI реиԥылара мҩаԥысуеит, Ватикан ари аиԥылара даара гәыкалатәи еицәажәарахеит ҳәа ахәшьара анаҭеит.<ref>https://life.ru/p/937750</ref> == Фидель Кастро иԥсра == Фидель Кастро имазара зегьы, 2005-тәи ашықәсазы иҟаҵаз адыррақәа рыла, ишьақәнаргылеит 550 миллион доллар, даҽа шықәсык анаҩс ари амазара миллиардк аҟынӡа еизҳаит. Убри инамаданы, ажурнал Forbes агәаанагара ала уи адунеизегьы аҟны зегьы реиҳа амал змаз уаҩны дҟалеит. Убри аан кубаа реиҳабы мап ацәикуан аҳәынҭқарратә наплакқәа рҟынтәи ари амал ирҳаит ҳәа ирҳәоз, аха иара иԥшӡаны анхара бзиа ибон, уи ус шакәу дырҵабыргуеит, ихьӡала иҟаз хыԥхьаӡара рацәала аӷба маҷқәа, арезиденциақәа, насгьы зықьҩыла ахьчаҩцәа. Убри аан иара ихәыҷқәа ырқьынцыцны иааӡомызт – урҭ ирзыԥҵәаз афатәи изыхьчоз ауааи ракәын. Абҵарамза 25, 2016 шықәса, 22 сааҭи 29 минуҭи рзы (Москватәи аамҭа ала иуҳәозар, абҵарамза 26, 6 сааҭки 29 минуҭи рзы) Фидель Кастро иԥсҭазаара далҵит. Кубатәи ареволиуционер акраамҭа дзыргәамҵуаз ичымазарақәа дырхыԥсааит. Иԥсра ашьҭахь, Фидель Кастро иаанижьыз иажәа инақәыршәаны, иԥсыбаҩ акремациа азун.<ref>https://www.interfax.ru/world/538693</ref> == Агәалашәара == Фидель Кастро иашьа Рауль Кастро аҳәамҭа ҟаиҵеит, иашьа игәалашәара иазку усмҩаԥгатә ҳәа акгьы шыҟамло, избанзар Фидель ахӡыргара бзиа ибомызт ҳәа азгәеиҭеит. Аха, Фидель Кастро ихьӡ ахуп Москватәи адәқәа руак, ақыҭа Ир, Ҩадатәи Уаԥстәыла амҩақәа руак, насгьы Забаикалтәи атәылаҿацә аҟны «Молодёжный» захьӡу Жәлар рҟазара ахан. Кастро исахьа анын трофеила игаз америкатәи атанк, иара убасгьы 1967–1970 шш., 1972ш., 1978—1986шш., 1988ш., 1995ш., 2001—2005шш., 2007—2009 шықәсқәа рзы иҭыжьыз песок ицоз аԥарақәа Фидель исахьа рнын.<ref>http://history-doc.ru/fidel-alexandro-kastro-ruz/</ref> == Аҳамҭақәеи ахьӡқәеи == Фидель Кастро акыр аҳамҭақәа ианашьан, насгьы ахьӡ ҳаракқәа ихҵан: 1963 шықәсазы М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә наукақәа ҳаҭыр зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ихҵан; Парижтәи ауниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор; 2007 шықәса (UCI) – Кубатәи аинформациатә наукақәа руниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор; 2008 шықәса – Боливиатәи ауниверситет «Эль Альто» ҳаҭыр зқәу адоктор; 2009 шықәса – Урыстәылатәи ахәаахәҭра-економикатә университет ҳаҭыр зқәу адоктор; 2003 шықәса, хәажәкырамза 8 рзы Фидель Кастро ианашьан Санта- Бригида аҳәса рберҭыԥ аорден иатәу акомандор Иекументә џьар; 2003 шықәса, нанҳәамза 31 рзы – «Орлиное перо»; 2007 шықәса, мшаԥымза 26 – ЦК КПРФ амедал «Октиабртәи ареволиуциа 90 шықәса ахыҵра»; 2016 шықәса, хәажәкырамза 21 – Аорден «Хосе Мартин» акавалер.<ref>http://www.fidelcastro.cu/ru/reconocimientos/todos</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Нанҳәамза 13 рзы ииз]] [[Акатегориа:1926 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 25 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:2016 шықәсазы иԥсыз]]
Фидель Алехандро Кастро (; , Биран, Ориенте, Куба — , Гавана, Куба) – кубатәи револиуционеруп, ҳәынҭқарратә, политикатә, партиатә усзуҩуп. Куба напхгара аиҭон 1959 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа. Анысмҩа Фидель Кастро – адунеи аҟны еицырдыруа акоманданте, ԥсахра зқәымыз кубаа раԥхьагыла, Куба ҩынҩажәи жәаба шықәса инеиҳаны напхгара аиҭон. Уи иусуреи иԥсҭазаареи акыр алегендақәа адҳәалоуп, урҭ лассы-лассы ишеиқәҿырымҭуагьы. Џьоукы Фидель Кастро дрыԥхьаӡон жәлары зегьы дырнапхгаҩны, даҽа џьоукы зегь реиҳа иџьбараз, игәымбылџьбараз диктаторны. Фидель Кастро инысмҩа еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла ибеиоуп, иара иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны 600 инарзынаԥшуа ишьразы аҽазышәарақәа аҭыԥ роухьан. Фидель Кастро Кубатәи ареволиуциа даԥхьагылахеит, Еиду Америкатәи Аштатқәа зегь реиҳа ишәарҭаз ӷас иԥхьаӡон, СССР-и Кубеи ракәзар, аиадертәи аекономикатәи хеилак еицалан.https://24smi.org/celebrity/1248-fidel-kastro.html Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа Фидель Кастро диит нанҳәамза 13, 1926 шықәсазы Кубатәи идуцәам апровинциатә қалақь Биран аҿы, адгьыл ақәаарыхҩи аҩныԥҳәыси рҭаацәара аҟны. Аԥхьаҟа атәыла анапхгаҩыс иҟалараны иҟаз Фидель иҭаацәа аҵара рымамызт аҟынтә, рыхшаз аҵарадырра бзиақәа ахьроурыз иашьҭан. Фидель Кастро дхәыҷаахыс ихшыҩ даара ибзиан, агәынкылара ҷыда иман аҟынтә, аҵара ахьиҵоз ашкол аҟны аҵаҩцәа зегьы дреиӷьны ихы ааирԥшуан. Аҵара бзианы иахьиҵоз анаҩсгьы, даара амбициатә ҟазшьақәа иман, ареволиуциатә ҟазшьақәа иныԥшуан. Жәаха шықәса анихыҵуаз иаб иплантациа аҟны аусуцәа рықәгыларақәа ихы рылаирхәуан, уа иара аԥхьагыларатә позициақәа ааникылон.https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-fidel-kastro.html 1941 шықәсазы аԥхьаҟа кубаа раԥхьагылас иҟалараны иҟаз Фидель Кастро ибзиаӡаны ашкол далгеит, зыхьӡ нагаз аколлеџьгьы дҭалоит, уа иара еснагь ақәԥарақәа ирылахәыз иакәны дыргәалашәоит. Аколлеџь ашьҭахь Фидель Кастро Гаванатәи ауниверситет аиуристтә факультет дастудентхоит. Истуденттә шықәсқәа раан ареволиуциатә шәҟәқәа рыԥхьара дагәыланахалоит, урҭ ареволиуционер иҟазшьақәа иларааӡон. Усҟан иара акоммунистцәа уиаҟара игәы иақәшәомызт, зны дыхәмарны иҳәеит: «Сталин ҳәа сзырҳәозар, сазыхиоуп!» ҳәа. 1950 шықәсазы Фидель Кастро азиндырҩы идиплом иоуит, ахатәы усгьы ааиртуеит, уи аусура ззырхаз амал змамыз ауаа рыцҳақәа азиндырратә цхыраара рзыҟаҵара акәын. Аԥхьаҟа командантес иҟалараны иҟаз Фидель жәлар рдукатс дҟалоит, иара ауааԥсыра амалаҳәа русқәа рыӡбара дахаҵгылон, уи иабзоураны ауаажәларра рҟны акыр адгылара иоуит.https://warspot.ru/6840-kastro-yunost-komandante Аполитика Фидель Кастро иполитикатә кариера ареволиуциатә ҟазшьа амоуп. Раԥхьа иара Куба жәлар Рпартиа далахәылахоит, уаантәи иара апарламент ахь анеира иҽазишәоит. Аха раԥхьатәи аҽазышәара лҵшәадахеит – иара икандидатура шьақәдмырӷәӷәеит арадикализм иахҟьаны. Анаҩс, иӡбоит даҽа мҩакы алхра, уи азын адиктатура иаҿагыланы иқәԥоз драԥхьагылахоит, урҭи иареи 1953 шықәсазы усҟантәи Куба ахадас иҟаз Фульхенсио Батиста иганахь ала ачарҳәара еиҿыркаауеит. Амчрахь анеиразы ари аҽазышәарагьы лҵшәадахоит, ачарҳәара аан Фидель Кастро иҩызцәа аӡәырҩы ҭархан, ареволиуционер ихаҭа 15 шықәса иқәҵаны дҭакын.https://tass.ru/mezhdunarodnaya-panorama/3525452 Аха ҩышықәса ааҵхьаны, Фидель Кастро амнистиа дақәшәоит, абахҭа аҟынтә доужьын, уа дыҟан 22 мзы. Иаурыжьыз Фидель атәыла далҵит, Мексикаҟа нхара дцеит. Уа еиҿикаауеит ареволиуциатә ҵысра «Движение 26 июля» зыхьӡиҵаз, Батиста изырхаз ачарҳәара амш агәалашәаразы. Ари аҵысра иалалеит усҟантәи аамҭазы еицырдыруаз ареволиуционерцәа аӡәырҩы, Ернесто Че Гевара иеиԥш иҟаз, иара убасгьы Кастро иашьа Рауль Кастро. Фидель Кастро иԥсадгьыл ахь игьежьра иара изын еиԥш Куба жәлар рзынгьы илахьынҵатәхеит – ақәгылаҩцәа рырхәҭақәеи иареи ирылшеит Гавана анапахьы аагара, насгьы Батиста ирежим ахҳәара, уи Фидель Кастро алшара инаҭеит раԥхьа кубатәи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩыс аҟалара, аамҭак анаҩс атәыла аԥыза-министр иҭыԥ аанкылара.https://www.istmira.com/drugoe-noveyshee-vremya/18906-fidel-kastro-rus-kratko.html Куба Аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы 20 шықәса инарзынаԥшуа аҳәынҭқарра анапхгараҭара иалагӡаны Фидель Кастро аҳәынҭқарра зегьы еиҭашьақәиргылеит – атәыла аамҭа кьаҿк иалагӡаны ишәҭит, еиҵыҵит, аекономика акәзар, даара ишьҭыҵит. Куба ахада Фидель еиҳаракгьы дацклаԥшуан асоциалтә хырхарҭа аҟны аҿиара, амедицина ауааԥсыра рзын ихәыдаԥсадахеит, аҵарадырра аҳаракыра акәзар, 98% рҟынӡа ишьҭыхын. Иара убасҟан имҩаԥган ахатәы компаниақәа рмилаҭркра, насгьы СССР-и Кубеи «аиҩызаратә» еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵан.https://biographe.ru/politiki/fidel-kastro/ 1962 шықәсазы адгьылбжьаха аҟны иқәыргылан асоветтә иадертә ракетақәа, уи иахҟьаны Еиду Америкатәи Аштатқәеи Кубеи реизыҟазаашьақәа бжьысит. Мраҭашәареи Кубеи реиӷарара иарҿиеит адгьылбжьаха аҟны Карибтәи акризис, уи иахҟьаны Кастро идгылаҩцәа аӡәырҩы атәыла аҟынтә ибналеит, америкаа ирыдгылеит. Аха, ус шакәызгьы, кубаа рхада дызныз, адунеитә капитализм ақәхра ахырхарҭа амҩа дацәхьамҵит, уи адгылара аиҭон Ангола, Афганисҭан, Аладатәи Иемен, Ефиопиа, Сириа, Алжир, Никарагуа, Ливиа уҳәа адунеи ахԥатәи атәылақәа рҟны ареволиуциатә ҵысрақәа. ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа ралагамҭазы Куба аекономикатә еизҳареи аҭышәынтәалареи аангылеит уҳәар алшоит, усҟан СССР ари атәыла афинансттә цхыраара азыҟаҵарагьы иаҟәыҵит. Ари аекономикатә кризис ахь икылнагеит, Кубагьы адунеи аҟны зегь реиҳа иӷарыз тәылахеит. Абарҭқәа ирыхҟьаны ауаа атәыла ааныжьны Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь нхара ҳәа ацара иалагеит, Куба акәзар, аоппозициа ахаҭарнакцәа Фидель Кастро ирежим ахҳәаразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара иалагеит. Ҩ- нызқьи фба шықәсазы игәамбзиара иахҟьаны, кубаа раԥхьагыла изинмчқәа зегьы иашьа гәакьа Рауль Кастро инапы ианиҵар акәхеит, уи 2008 шықәсазы Куба анапхгаҩыс дагьыҟалоит, избанзар Фидель Кастро уаҳа атәылеи кубатәи аруааи напхгара рыҭара илшомызт.http://evolutio.info/ru/journal-menu/2016-3-4/2016-3-4-chelyadinsky Ишьразы аҽазышәарақәеи игәабзиареи Фидель Кастро ишьразы аҽазышәарақәа инысмҩа аҟны зегь реиҳа излацәажәо хҭысқәоуп. Иҟоуп убас еиԥш аинформациа, Фидель Кастро Куба напхгара анеиҭоз аамҭеи, СССР-и иареи русеицуреи раан америкатәи ЦРУ 600-нтә инарзынаԥшуа иԥсҭазаара иалхразы аҽазышәарақәа ҟарҵеит ҳәа. Аха, иара убасгьы иҟоу адыррақәа рыла, арҭ ишьразы аҽазышәарақәа аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзын иааныркылон, адгьылбжьаха ҷыдалатәи агентцәа иаԥдырҟәҟәаауан. Фидель Кастро ишьра рҽазыршәеит аӡаҵаҟатәи ашәарыцара аан, атапанча хәыҷы арепортиор икамера иҭаргылан, иара убасгьы дызхоз асигарақәа ашҳам рыларҵахьан, аха акагьы рылымшеит. 2006 шықәсазы Фидель Кастро игәабзиара даара иуашәшәырахеит, аха уи адгьылбжьахабжа азы ҳәынҭқарратә маӡа дуун. Аха, ус шакәызгьы, кубаа раԥхьагыла иаӷацәа ирылшеит иара игәамбзиарақәа ртәы ауаажәларра рҟынӡа анагара, насгьы уи атәы ҳәан америкатәи ЦРУ ажәахәқәа руак аҟны.https://www.bbc.com/russian/features-38123339 Еилкаауп акы, 1998 шықәсазы Фидель Кастро ачымазара паркинсон дшаргәамҵуаз. Иара убасгьы, Кубантәи ибналаз иара иҳақьым еиҭеиҳәеит аполитик акьыба чымазарагьы шихьуаз, 1989 шықәсазы аԥҟарагьы шихигаз, ихы аҟны ашьеилалара иахҟьаны. Ас еиԥш адыррақәа ирыхҟьаны еицырдыруаз Куба акоманданте Фидель Кастро амассатә информациа ахархәагақәа изныкымкәа дыԥсит ҳәа рыларҳәахьан, аха нас иара иаалырҟьаны ауаажәларра рҟны даацәырҵуан, уи алагьы иара иԥсра иадҳәалаз амассатә цәажәарақәагьы еиԥхьирбон. 2014 шықәсазы Фидель Кастрои Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысуеит. Кубаа раԥхьагылеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылара ашьҭахь, Лавров иазгәеиҭеит Кастро имч-илша рацәак ишыҟам, аха уи иблақәа аԥсҭазаара ишазыҳәо, насгьы, иара дшырзыхиоу ареволиуциа ҿыцқәа рымҩаԥгара.https://www.maximonline.ru/longreads/_article/13-samykh-neveroyatnykh-popytok-ubit-fidelya-kastro/ Фидель Кастро ихатәы ԥсҭазаара Фидель Кастро ихатәы ԥсҭазаарагьы, игәабзиара еиԥш, иарку, имаӡоу темоуп ауаажәларра рзын. Идыруп иара иԥсҭазаара аҟны ишыҟаз хҩык бзиа иибоз аҳәса, урҭ ирыхшеит быжьҩык ахәыҷқәа, аха закәанла ииз ԥазаҵәык иоуп. Фидель Кастро актәи иԥҳәыс Мирта Диас Баларт, Куба аиҳабыра рминистр Батиста иԥҳа лакәын. Уи Куба ахадас иҟалаз Фидель изын длыхшеит аԥа Фиделито, аамҭаказы аурыс ҭыԥҳа ԥҳәысс дызмаз. Фидель Кастро аҩбатәи иԥҳәыс лакәын, 50-тәи ашықәсқәа раан гаванатәи аԥшӡа ҳәа иԥхьаӡаз, Нати Ревуельта, уи длыхшеит аԥҳа Алина. Кубаа раԥхьагыла ари иԥҳа данқәыԥшӡаз, маӡала испаниатәи атәылауаҩшәҟәы ҟаҵаны, Кубантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь дыбналаны дцеит. Алина лгәалашәарақәа рыла, Кастро, ианеиҵаха, даҽа хәҩык ахшара иман, урҭ лыхшеит иара бзиа иибоз аԥҳәызба Делив Сото. Официалла Кастро ахԥатәи иԥҳәыс Селиа Санчес акыршықәса иара цхырааҩыс диман, аха лара 1985 шықәса рзын лҽылшьуеит. Адинхаҵара Фидель Кастро акатоликатә уахәама аҟны днаҭын. Иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, иара анафема даҭан ҳәа, аха Фидель Кастро ауахәама иаҟәыгаразы ҭахра ҳәа ыҟамызт, избанзар усҟантәи аамҭазы аус ауан «акоммунистцәа ауахәама раҟәыгара» ҳәа изышьҭаз, азакәан рылеиҳәеит. Уи 1949 шықәса ԥхынгәымза аказы римтәи папа Пием XII, насгьы уи шьақәырӷәӷәан Акотоликатә уахәама акононтә зинқәа Ркодекс ала. 2012 шықәсазы, Фидель Кастрои римтәи папа Бенедикт XVI реиԥылара мҩаԥысуеит, Ватикан ари аиԥылара даара гәыкалатәи еицәажәарахеит ҳәа ахәшьара анаҭеит.https://life.ru/p/937750 Фидель Кастро иԥсра Фидель Кастро имазара зегьы, 2005-тәи ашықәсазы иҟаҵаз адыррақәа рыла, ишьақәнаргылеит 550 миллион доллар, даҽа шықәсык анаҩс ари амазара миллиардк аҟынӡа еизҳаит. Убри инамаданы, ажурнал Forbes агәаанагара ала уи адунеизегьы аҟны зегьы реиҳа амал змаз уаҩны дҟалеит. Убри аан кубаа реиҳабы мап ацәикуан аҳәынҭқарратә наплакқәа рҟынтәи ари амал ирҳаит ҳәа ирҳәоз, аха иара иԥшӡаны анхара бзиа ибон, уи ус шакәу дырҵабыргуеит, ихьӡала иҟаз хыԥхьаӡара рацәала аӷба маҷқәа, арезиденциақәа, насгьы зықьҩыла ахьчаҩцәа. Убри аан иара ихәыҷқәа ырқьынцыцны иааӡомызт – урҭ ирзыԥҵәаз афатәи изыхьчоз ауааи ракәын. Абҵарамза 25, 2016 шықәса, 22 сааҭи 29 минуҭи рзы (Москватәи аамҭа ала иуҳәозар, абҵарамза 26, 6 сааҭки 29 минуҭи рзы) Фидель Кастро иԥсҭазаара далҵит. Кубатәи ареволиуционер акраамҭа дзыргәамҵуаз ичымазарақәа дырхыԥсааит. Иԥсра ашьҭахь, Фидель Кастро иаанижьыз иажәа инақәыршәаны, иԥсыбаҩ акремациа азун.https://www.interfax.ru/world/538693 Агәалашәара Фидель Кастро иашьа Рауль Кастро аҳәамҭа ҟаиҵеит, иашьа игәалашәара иазку усмҩаԥгатә ҳәа акгьы шыҟамло, избанзар Фидель ахӡыргара бзиа ибомызт ҳәа азгәеиҭеит. Аха, Фидель Кастро ихьӡ ахуп Москватәи адәқәа руак, ақыҭа Ир, Ҩадатәи Уаԥстәыла амҩақәа руак, насгьы Забаикалтәи атәылаҿацә аҟны «Молодёжный» захьӡу Жәлар рҟазара ахан. Кастро исахьа анын трофеила игаз америкатәи атанк, иара убасгьы 1967–1970 шш., 1972ш., 1978—1986шш., 1988ш., 1995ш., 2001—2005шш., 2007—2009 шықәсқәа рзы иҭыжьыз песок ицоз аԥарақәа Фидель исахьа рнын.http://history-doc.ru/fidel-alexandro-kastro-ruz/ Аҳамҭақәеи ахьӡқәеи Фидель Кастро акыр аҳамҭақәа ианашьан, насгьы ахьӡ ҳаракқәа ихҵан: 1963 шықәсазы М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә наукақәа ҳаҭыр зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ихҵан; Парижтәи ауниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор; 2007 шықәса (UCI) – Кубатәи аинформациатә наукақәа руниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор; 2008 шықәса – Боливиатәи ауниверситет «Эль Альто» ҳаҭыр зқәу адоктор; 2009 шықәса – Урыстәылатәи ахәаахәҭра-економикатә университет ҳаҭыр зқәу адоктор; 2003 шықәса, хәажәкырамза 8 рзы Фидель Кастро ианашьан Санта- Бригида аҳәса рберҭыԥ аорден иатәу акомандор Иекументә џьар; 2003 шықәса, нанҳәамза 31 рзы – «Орлиное перо»; 2007 шықәса, мшаԥымза 26 – ЦК КПРФ амедал «Октиабртәи ареволиуциа 90 шықәса ахыҵра»; 2016 шықәса, хәажәкырамза 21 – Аорден «Хосе Мартин» акавалер.http://www.fidelcastro.cu/ru/reconocimientos/todos Азгәаҭақәа Акатегориа:Нанҳәамза 13 рзы ииз Акатегориа:1926 шықәсазы ииз Акатегориа:Абҵарамза 25 рзы иԥсыз Акатегориа:2016 шықәсазы иԥсыз
37758
https://ab.wikipedia.org/wiki/2024
2024
{{Ашықәс|{{PAGENAME}}}} ==Ахҭысқəа== ===Ажьырныҳәамза=== ===Жәабранмза=== ===Хәажәкырамза=== ===Мшаԥымза=== ===Лаҵарамза=== ===Рашәарамза=== ===Ԥхынгәымза=== ===Нанҳәамза=== ===Цәыббрамза=== ===Жьҭаарамза=== ===Абҵарамза=== ===Ԥхынҷкәынмза=== ==Иит== ==Рыԥсҭазаара иалҵит==
Ахҭысқəа Ажьырныҳәамза Жәабранмза Хәажәкырамза Мшаԥымза Лаҵарамза Рашәарамза Ԥхынгәымза Нанҳәамза Цәыббрамза Жьҭаарамза Абҵарамза Ԥхынҷкәынмза Иит Рыԥсҭазаара иалҵит
37762
https://ab.wikipedia.org/wiki/Пиотр_I_дуӡӡа
Пиотр I дуӡӡа
[[Афаил:Inconnu_d'après_J.-M._Nattier,_Portrait_de_Pierre_Ier_(musée_de_l’Ermitage).jpg|мини|Пиотр Романов – Пиотр I]] '''Пиотр Алексеи-иԥа Романов, Пиотр I,''' «Дуӡӡа» ҳәа ззырҳәоз ({{date|9|6|1672|30|5}}, Москва — {{date|8|2|1725|28|1}}, Санкт-Петербург) – Урыстәылазегьтәи аимператор (1721 шықәса инаркны). Регентс диман аҳәынҭқар иԥҳа – иара иаҳәшьа Софиа Алексеи-иԥҳа – 1682 шықәса инаркны 1689 шықәсанӡа.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/domestic_history/text/3826088 |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2022-01-04 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220104103730/https://bigenc.ru/domestic_history/text/3826088 |url-status=dead }}</ref> == Пиотр I ихәыҷреи иқәыԥшреи == Пиотр I Алексеи-иԥа Романов диит лаҵарамза 30, 1672 шықәсазы Москва. Уи иаб Алексеи Михаил-иԥа Урыстәылатәи аимпериа аҳас дыҟан, уи 31 шықәса инеиԥынкыланы аимпериа дахагылан. Иан, Наталиа Кирилл-иԥҳа Нарышкина, аамсҭа ҭыԥҳан. Иазгәаҭатәуп, Пиотр иаб ихшара рахтә иара ажәиԥшьтәи аԥа шиакәыз, иан лзы раԥхьатәи хшаран. Заԥхьаҟа императорхараны иҟаз Пиотр ԥшьышықәса анихыҵ, иаб дыԥсуеит, аҳратәра аҟны дҟалоит иашьа еиҳабы – Фиодор Ахԥатәи Алексеи-иԥа. Аҳ ҿыц Пиотр иааӡара инапы алеикуеит, дҵангьы иқәиргылеит еиуеиԥшым аҵарадыррақәа ирҵара. Усҟантәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи анырра иаҿагыланы иқәԥон аҟынтә, Пиотр аҵара идырҵон аурыс дикәанцәа, адырра ҵаулақәа змамыз. Абри иахҟьаны аҷкәын иахәҭаз аҵарадырра имоуит, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡагьы агха амҭақәа дзыҩуамызт. Аха, иазгәаҭатәуп, Пиотр актәи идыррақәа ширҭбааз апрактикатә зыҟаҵара абзоурала.<ref>http://rushist.com/index.php/platonov-lectures/1936-detstvo-petra-i</ref> == Пиотр I иҭоурых == Фышықәса ааҵхьаны, Фиодор Ахԥатәи иԥсҭазаара далҵит, аҳратәра дахагылараны дыҟан уи иԥа Иван. Аха, закәанла ари аҭыԥ зоураны иҟаз згәабзиара уашәшәыраз хәыҷын. Ари аҭагылазаашьа Нарышкинаа рҭаацәара рхы иадырхәеит, аҳәынҭқарратә хҳәара еиҿыркааит уҳәар алшоит. Апатриарх Иоаким идгылара ала Нарышкинаа адырҩаҽныҵәҟьа Пиотр қәыԥш аҳра дахадыргылоит. Аха, Милославскиаа – аҳ иԥа Иван ианшьцәа, аҳәамҭа ҟарҵеит рзинқәа шеилагоу азы, насгьы Пиотр аҳратәра иахаргылара азакәан шьаҭа амам ҳәа. Уи иахҟьаны, 1682 шықәсазы имҩаԥысит Стрелецктәи ақәгылара, абри ашьҭахь аҳ иҭыԥ аҟны иҟалеит иаразнак ҩыџьа аҳцәа - Ивани Пиотри.<ref>https://pomnisvoih.ru/velikie-lyudi-rossii/kratkaya-biografiya-petra-1.html{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=December 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> Абри аминуҭ инаркны амчмҟәыҵакҩы қәыԥш иԥсҭазаара аҟны акыр ҵакы змаз ахҭысқәа аҭыԥ роуит. Ара инаҵшьны иазгәаҭатәуп, аҷкәын дхәыҷаахыс арратә ус дшазҿлымҳаз. Уи идҵа ала афартификациатә ргыларақәа мҩаԥысуан, насгьы ақәыргыларатә еибашьрақәа раан арратә техникаҵәҟьа ахархәара арҭон. Пиотр актәи ихатәы артиллериа анаԥиҵа ашьҭахь, еиҿикаауеит идуум «афлот». Уи инаркны иара иҭахын амшын аҟны аҳратәра аура, аӷбақәа аибашьраҿы рхархәара.<ref>https://www.istmira.com/drugoe-istoriya-rossii/16228-petr-i-kratkaja-biografija.html</ref> == Аҳ Пиотр I == Пиотр актәи дқәыԥшцәан аҟынтә, аҳәынҭқарра анапхгараҭара ихала илшомызт, убри аҟынтә иара регентс диман иаҳәшьа Софиа Алексеи-иԥҳа, анаҩс – иан Наталиа Нарышкина. 1689 шықәсазы аҳ Иван официалла имчра зегьы иашьа ииҭоит, уи иабзоураны азинмчы змаз аҳәынҭқарра ахадас дҟалоит Пиотр Актәи.<ref>https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/pietr-i</ref> == Пиотр I инапхгараҭара == Абри инаркны Пиотр Актәи арратә хәмаррақәа дырҟәаҵит, урҭ рхаҭыԥан аԥхьаҟатәи арратә компаниақәа рзы апланқәа рышьақәыргылара далагеит. Уи Ҟрымтәи аибашьра Османтәи аимпериа иазынархаз иациҵоит, убасгьы Азовтәи аныҟәарақәа еиҿикаауеит. Абарҭқәа ирыбзоураны Азовтәи абааш агара илшоит, ари Пиотр ибиографиа аҟны раԥхьатәи арратә ԥышәахеит, қәҿиарахеит. Анаҩс, Пиотр Актәи абаӷәаза Таганрог аргылара далагеит, аҳәынҭқарра аҟны афлот шыҟамызгьы. Аха, Пиотр хықәкыс иҿаԥхьа иқәиргылоит иӷәӷәоу афлот аԥҵара, амшын аҟны анырра амазаара азы. Уи азын иара илшоз зегьы ҟаиҵеит, аамсҭацәа қәыԥшцәа аӷба аргыларатә занааҭ европатәи атәылақәа рҟны ирҵаларц азы.<ref>https://xn--1-itb3afj.xn--p1acf/{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=December 2024 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> Иазгәаҭатәуп Пиотр Актәи ихаҭагьы аӷбақәа рыргылашьа шиҵоз, уи азын иара баша усуҩыс, махәҿала, анхацәа дрыдгыланы аус иуан. Ас еиԥш иусура иабзоураны ижәлар рыбжьара иаҳаҭыр даара ишьҭыҵит. Иара убасҟан ауп Пиотр Дуӡӡа аҳәынҭқарратә система аҟны акыр шьақәгылашьақәа рҽеимра гәеиҭо даналага, ареформа ҿыцқәагьы игәы иҭеикуеит, арҭ ареформақәа аҭоурых аҟны ахааназы ихьӡ аанрыжьит.<ref>https://24smi.org/celebrity/3555-petr-i.html</ref> Иара иҭиҵаауан европатәи аҳәынҭқарра дуқәа рышьақәгылашьа, иреиӷьу аҭагылазаашьақәа алкаауа. Ари аамҭа Пиотр Актәи ибиографиа аҟны ачарҳәара аԥнаҵеит, усҟан ауп ианеиҿкааз стрелецктәи ақәгылара. Аха, аҳ илшеит ари ақәгылара аанкылара, насгьы ацәгьаршыҩцәа зегьы рахьырхәра. Османтәи аимпериа аҟны аҭыԥ змаз акыр аиҿагыларақәа рнаҩс Пиотр Актәи иӡбоит аҭынчразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи анаҩс, иара Швециа абашьра далагоит. Иагьилшоит аӡиас Нева аӡы алаларҭа аҟны акыр абаашқәа инапахьы аагара, уа анаҩс, иргылан Пиотр Дуӡӡа иқалақь - Санкт-Петербург.<ref>https://ruskerealie.zcu.cz/r2-3A.php{{Анеишьа_амам_азхьарԥш|date=June 2025 |bot=InternetArchiveBot |fix-attempted=yes }}</ref> == Пиотр Дуӡӡа иеибашьрақәа == Акыр иқәҿиаз арратә компаниақәа рышьҭахь Пиотр Актәи илшоит Балтиатәи амшын ахь амҩа аартра, анаҩс уи «Европаҟа ахышә» ҳәа ахьӡырҵоит. Убри аамҭазы Урыстәылатәи аимпериа амчра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, Пиотр Дуӡӡа ихьӡ-иԥша акәзар, Европа зегьы ирдыруан. Иаарласны Урыстәыла иадҵан Мрагыларатәи Прибалтика. 1709 шықәсазы имҩаԥысит еицырдыруа Полтаватәи аибашьра. Ари аибашьра иалахәын ашведцәеи аурысцәеи рырхәҭақәа. Аибашьра алҵшәақәа ртәы ҳҳәозар, ашведцәа ԥыххаа иган, иаанхаз архәҭақәа ракәзар, шасыс иган.<ref>https://histerl.ru/periudi_istorii/petr_pervie/vojny-petra-pervogo.htm</ref> Иазгәаҭатәуп Пиотр Актәи ажәыларақәа дышрылахәыз, агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшуа. Иара дҿырԥшыган, уи ифырхаҵара аурыс архәҭақәа ргәы шьҭнахуан, дара аимператор изын ршьа ацәыкәбар нҵәаанӡа, аҵыхәтәанынӡа аибашьра иазыхиан. Аинтерес зҵоу фактуп, Полтаватәи аибашьра аан, аӷа ихы Пиотр Актәи ихылԥа иахьақәшәаз, ихы азааигәара сантиметрақәак ракәын иагыз. Ари даҽазныкгьы иарҵабыргит аимператор иԥсҭазаара дшацәымшәоз, аиааира аагаразы. Аха, аибашьра хыԥхьаӡара рацәала аибашьцәа рыԥсҭазаарақәа агон, атәыла аресурсқәа ҵнашәаауан. Убранӡа инаӡеит – Аурыс империа х-фронткны аибашьра ақәшәеит. Ари Пиотр Актәи адәныҟатәи аполитикахь имаз адунеихәаԥшышьа аԥсахит, акрызҵазкуаз аӡбамҭақәагьы идикылеит. Иара, аҭычратә еиқәышаҳаҭра аҭырқәцәа рҟны инапы аҵеиҩит, абааш Азовгьы шьҭахьҟа рыҭара дақәшаҳаҭхеит. Ас еиԥш аӡбамҭақәа рыдкылара, аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра иалнаршеит ауаа рыԥсҭазаарақәеи арратә техникеи реиқәырхара. Аамҭак ааҵхьаны, Пиотр Дуӡӡа мрагылараҟа аныҟәарақәа еиҿикаауа далагеит. Урҭ ирылҵшәахеит ақалақьқәа Омск, Семипалатинск, Камчатка уҳәа реиԥш иҟаз Урыстәыла иахьадлаз. Пиотр Актәи, иара убасгьы, иҭахын Ҩадатәи Америка, Индиаҟа аекспедициақәа реиҿкаара, аха урҭ апланқәа аԥсҭазаара изаламырҵәеит. Аха, Пиотр Актәи илшеит Персиаҟа Каспиатәи аныҟәара аиҿкааара, уи аан иара Баку, Дербент, Астрабад, иара убас акыр абаашқәа инапахьы иааигеит. Пиотр Актәи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь арҭ анапахьы иаагаз аҵакырадгьылқәа зегьы Урыстәыла иацәыӡит, избанзар аҳәынҭқарра азын урҭ рныҟәгара феида ҳәа акагьы аламызт.<ref>https://library.vladimir.ru/vystavki-2/vystavka-vojny-i-poxody-petra-i.html</ref> == Пиотр Актәи иреформақәа == Пиотр Актәи иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны акыр ареформақәа рымҩаԥгара илшеит, урҭ зегьы аҳәынҭқарра аҿиара иазырхаз ракәын. Иара иоуп аурыс напхгара рахьтә аимператор ҳәа зхы иазызҳәоз. Аха зегь реиҳа ихадаз ареформақәа ззырхаз арратә ус акәын. Уи анаҩсгьы, Пиотр Актәи инапхгараҭара аан ауп ауахәама аҳәынҭқарра анапаҵаҟа ианыҟала, уаанӡа ус еиԥш иҟамызт. Пиотр Актәи иреформақәа ааглыхра, ахәаахәҭра, насгьы ажәытә нхашьа ацәцара уҳәа рыҿиара иазырхан.<ref>https://swsu.ru/sbornik-statey/reformy-petra-polnostyu-opredelyalis-mentalitetom-ikh-vershitelya.php</ref> Ҿырԥштәыс иаагозар, иара иоуп ажакьа аныҟәгара ашәахтә ақәызҵаз, уи ала иара иҭахын абоиарцәа европаа реиԥш рҭеиҭыԥш еиҭаркырц. Ас еиԥш алагала аурыс ҭауади-аамсҭеи рышьҭра рганахь ала агәынамӡарақәа шцәырнагазгьы, аусԥҟа иқәныҟәон. Даара иуадаҩуп хырхарҭак алкаара, Пиотр Актәи иреформақәа зхьымсыз. Иара еиҿикааит раԥхьатәи Урыстәылатәи агазеҭ, иара убасгьы илшарақәа акыр адуп аҳәаанырцәтәи ашәҟәқәа аурыс бызшәахьы аиагара. Есышықәса атәыла аҟны иаадыртуан амедицинатә, амшынтә, анџьныртә уҳәа ашколқәа, уа аҵара рҵаларц рылшон ачынуаа рыхшара реиԥш, анхаҩцәа рыхшарагьы. Пиотр Актәи иоуп Иулиантәи амзаргьы алазгалаз, иахьа уажәраанӡагьы ахархәара змоу. Европа иҟазаара аан аҳ акыр асахьаҭыхымҭақәа ибеит, урҭ уаҩ ибла дыршанхон. Иҩныҟа даныгьежь иара асахьаҭыхыҩцәа афинансттә цхыраара рзыҟаиҵо далагеит, уи аурыс культура аҿиара акырӡа иацхраауан. Пиотр Актәи иреформақәа рымҩаԥгашьа азын акыр акритика изыҟарҵон, избанзар, урҭ зегьы мчыла ауаа ирыдигылон, ауаа рыхдыррақәа иԥсахуан, игәы иҭеикуаз аусқәагьы наигӡон. Игәҭакқәа рынагӡара ирҿырԥштәы хадоуп ақалақь Санкт-Петербург аргылара, уи акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуан. Аӡәырҩы ари аргылара иацыз аџьабаа рызхымгакәа ибналон. Ибналоз рҭаацәа ракәзар, абахҭа иҭаркуан, ибналаз аргыларахь игьежьаанӡа. Иаарласны Пиотр Актәи еиҿикааит аполитикатә ԥшаареи аӡбарҭеи русбарҭа, анаҩс уи Маӡалатәи канцелиарианы еиҭеиҿкаан. Дарбанызаалак ауаҩы иаркыз ауада аҟны аҩра азин имамызт. Ас еиԥш аҭыԥ шамаз заҳаз аҳ иҟынӡа инеимгар - ахара здыз ашьра иқәырҵон. Ас еиԥш иџьбараз аметодқәа рхархәара ала Пиотр Актәи иҭахын аиҳабыра ирҿагылоз ачарҳәарақәа раԥырҟәҟәаара.<ref>http://rapsinews.ru/publications/20190917/303879490.html</ref> == Пиотр Актәи ихатәы ԥсҭазаара == Пиотр Актәи данқәыԥшыз бзиа ибон Анемец ҳабла аҟны аҟазаара, иара аҳәаанырцәтәи аилазаара даара игәаԥхон. Иара уброуп раԥхьаӡа дахьибаз анемец ҭыԥҳа Анна Монс, иаразнакгьы бзиа диамхабоит. Иан лакәзар, арҭ аизыҟазаашьақәа дырҿагылон аҟнытә, илулак лԥа аурыс ҭыԥҳа Евдокиа Лопухина дигартә иҟалҵоит. Иџьашьатәызаргьы, Пиотр иан лажәа ҩбеимтәит. Лопухина пҳәысс дигеит. Урҭ ирыхшеит ҩыџьа аԥацәа: Алексеии Александри, аҩбатәи ахәыҷы дшыхәыҷӡаз иԥсҭазаара далҵит. Пиотр Актәи инаҩс иара иҭыԥ ааникылар акәын иԥа Алексеи. Аха Евдокиа лхаҵа иҭыԥ дахҳәаны лыҷкәын амчра иҭара лҽаназылшәа ашьҭахь, зегьы даҽакала иҟалеит. Лапухина аберҭыԥ ахь ддәықәҵан, Алексеи иакәзар, аҳәаанырцәҟа дыбналаны ацара иқәшәеит. Абра иҳәатәуп Алексеи иаб иреформақәа зынӡагьы дшырзыразымыз, иаб адеспот ҳәа изиҳәон.<ref>{{Cite web |url=https://foxford.ru/wiki/istoriya/reformy-petra-i |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2021-10-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20211015224028/https://foxford.ru/wiki/istoriya/reformy-petra-i |url-status=dead }}</ref> 1717 шықәсазы Алексеи дыԥшааны дырбаандаҩын, анаҩс ачарҳәаразы ашьрагьы иқәҵан. Аха иара ихала абахҭаҟны дыԥсит, еилкаам аҭагылазаашьақәа рыла. Иԥҳәыси иареи анеилыҵ ашьҭахь, Пиотр Актәи 1703 шықәсазы бзиа дибоит 19 шықәса зхыҵуаз Катерина (даныӡӷабыз - Марта Самуил- иԥҳа Скавронскаиа). Урҭ рыбзиабара акыр шықәса аҭыԥ аман. Аамҭак анаҩс дара еибагоит, аха еибагаанӡа лара аимператор иҟынтә ҩыџьа аԥҳацәа лоухьан – Аннеи (1708) Елизаветеи (1709). Елизавета анаҩс даҳкәажәхеит (1741–1761шш.) Катерина даара иҟәышыз, аилкаара змаз ԥҳәызбан. Лараӡәк лоуп изылшоз аҳ ижьжьара, иргәыбзыӷра, уи ахыхь ӷәӷәа анизцәырҵуаз аамҭазы. Официалла Пиотр аԥҳәыс дигеит аҩынтә раан 1712 шықәсазы. Уи ашьҭахь дара даҽа жәҩык ахшара роуит, урҭ реиҳараҩык ишхәыҷқәаз рыԥсҭазаара иалҵит. Пиотр Актәи Катерина даара бзиа дибон. Лара лаҳаҭыраз иаԥҵан аорден «Иԥшьоу Екатерина», насгьы Урал иҟаз ақалақь Екатеринбург ахьыӡҵан. Екатерина Актәи лыхьӡ ахуп Екатерининтәи ахан Аҳцәа Рқыҭа (Царское Село) аҟны (иара ргылан Елизавета Пиотр-иԥҳа лхаан). Иаарласны Пиотр Актәи инысмҩа аҟны дцәырҵит даҽа ԥҳәызбакгьы, Мариа Кантемир, уи аимператор изы иԥсҭазаара далҵаанӡа фавориткас дыҟан.<ref>http://rapsinews.ru/incident_publication/20180911/287428473.html</ref> == Пиотр иԥсра == Ҭеиҭыԥшла Пиотр Актәи даара иӷәӷәаз, агәабзиара змаз аӡә иоуп уҳәаратәы дыҟан, аха иԥсҭазаара зегьы ахыхь бааԥсы даргәаҟуан. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара аҷаҷа чымазарагьы даргәамҵуа далагеит, уи хьаас ишикымзгьы. 1725 шықәсазы изцәырҵуаз ахьаақәа убри аҟара иӷәӷәахеит, ииарҭа дзылымҵуа аҟынӡа днаргеит. Игәабзиара есҽны еицәахон, ахьаақәа рычҳара уадаҩхон. Пиотр Актәи Алексеи- иԥа Романов иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 28, 1725 шықәсазы Аӡынтәи ахан аҟны. Уи иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭоуп агәаҵәыхь. Аха, анаҩс излеилкаахаз ала, дызгаз ианкьапышҭа ахьҭа иалалаз агангренахь аиасра ауп. Пиотр Дуӡӡа анышә дамадоуп Петропавловсктәи абаа аҟны Санкт- Петербург, аурыс аҳратәра ашьҭрамдаҩыс дҟалеит иԥҳәыс Екатерина Актәи.<ref>https://igardens.ru/event/28-january-the-death-of-peter-i/</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Рашәарамза 9 рзы ииз]] [[Акатегориа:1672 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Жәабранмза 8 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1725 шықәсазы иԥсыз]]
Пиотр Алексеи-иԥа Романов, Пиотр I, «Дуӡӡа» ҳәа ззырҳәоз (, Москва — , Санкт-Петербург) – Урыстәылазегьтәи аимператор (1721 шықәса инаркны). Регентс диман аҳәынҭқар иԥҳа – иара иаҳәшьа Софиа Алексеи-иԥҳа – 1682 шықәса инаркны 1689 шықәсанӡа. Пиотр I ихәыҷреи иқәыԥшреи Пиотр I Алексеи-иԥа Романов диит лаҵарамза 30, 1672 шықәсазы Москва. Уи иаб Алексеи Михаил-иԥа Урыстәылатәи аимпериа аҳас дыҟан, уи 31 шықәса инеиԥынкыланы аимпериа дахагылан. Иан, Наталиа Кирилл-иԥҳа Нарышкина, аамсҭа ҭыԥҳан. Иазгәаҭатәуп, Пиотр иаб ихшара рахтә иара ажәиԥшьтәи аԥа шиакәыз, иан лзы раԥхьатәи хшаран. Заԥхьаҟа императорхараны иҟаз Пиотр ԥшьышықәса анихыҵ, иаб дыԥсуеит, аҳратәра аҟны дҟалоит иашьа еиҳабы – Фиодор Ахԥатәи Алексеи-иԥа. Аҳ ҿыц Пиотр иааӡара инапы алеикуеит, дҵангьы иқәиргылеит еиуеиԥшым аҵарадыррақәа ирҵара. Усҟантәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи анырра иаҿагыланы иқәԥон аҟынтә, Пиотр аҵара идырҵон аурыс дикәанцәа, адырра ҵаулақәа змамыз. Абри иахҟьаны аҷкәын иахәҭаз аҵарадырра имоуит, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡагьы агха амҭақәа дзыҩуамызт. Аха, иазгәаҭатәуп, Пиотр актәи идыррақәа ширҭбааз апрактикатә зыҟаҵара абзоурала.http://rushist.com/index.php/platonov-lectures/1936-detstvo-petra-i Пиотр I иҭоурых Фышықәса ааҵхьаны, Фиодор Ахԥатәи иԥсҭазаара далҵит, аҳратәра дахагылараны дыҟан уи иԥа Иван. Аха, закәанла ари аҭыԥ зоураны иҟаз згәабзиара уашәшәыраз хәыҷын. Ари аҭагылазаашьа Нарышкинаа рҭаацәара рхы иадырхәеит, аҳәынҭқарратә хҳәара еиҿыркааит уҳәар алшоит. Апатриарх Иоаким идгылара ала Нарышкинаа адырҩаҽныҵәҟьа Пиотр қәыԥш аҳра дахадыргылоит. Аха, Милославскиаа – аҳ иԥа Иван ианшьцәа, аҳәамҭа ҟарҵеит рзинқәа шеилагоу азы, насгьы Пиотр аҳратәра иахаргылара азакәан шьаҭа амам ҳәа. Уи иахҟьаны, 1682 шықәсазы имҩаԥысит Стрелецктәи ақәгылара, абри ашьҭахь аҳ иҭыԥ аҟны иҟалеит иаразнак ҩыџьа аҳцәа - Ивани Пиотри.https://pomnisvoih.ru/velikie-lyudi-rossii/kratkaya-biografiya-petra-1.html Абри аминуҭ инаркны амчмҟәыҵакҩы қәыԥш иԥсҭазаара аҟны акыр ҵакы змаз ахҭысқәа аҭыԥ роуит. Ара инаҵшьны иазгәаҭатәуп, аҷкәын дхәыҷаахыс арратә ус дшазҿлымҳаз. Уи идҵа ала афартификациатә ргыларақәа мҩаԥысуан, насгьы ақәыргыларатә еибашьрақәа раан арратә техникаҵәҟьа ахархәара арҭон. Пиотр актәи ихатәы артиллериа анаԥиҵа ашьҭахь, еиҿикаауеит идуум «афлот». Уи инаркны иара иҭахын амшын аҟны аҳратәра аура, аӷбақәа аибашьраҿы рхархәара.https://www.istmira.com/drugoe-istoriya-rossii/16228-petr-i-kratkaja-biografija.html Аҳ Пиотр I Пиотр актәи дқәыԥшцәан аҟынтә, аҳәынҭқарра анапхгараҭара ихала илшомызт, убри аҟынтә иара регентс диман иаҳәшьа Софиа Алексеи-иԥҳа, анаҩс – иан Наталиа Нарышкина. 1689 шықәсазы аҳ Иван официалла имчра зегьы иашьа ииҭоит, уи иабзоураны азинмчы змаз аҳәынҭқарра ахадас дҟалоит Пиотр Актәи.https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/pietr-i Пиотр I инапхгараҭара Абри инаркны Пиотр Актәи арратә хәмаррақәа дырҟәаҵит, урҭ рхаҭыԥан аԥхьаҟатәи арратә компаниақәа рзы апланқәа рышьақәыргылара далагеит. Уи Ҟрымтәи аибашьра Османтәи аимпериа иазынархаз иациҵоит, убасгьы Азовтәи аныҟәарақәа еиҿикаауеит. Абарҭқәа ирыбзоураны Азовтәи абааш агара илшоит, ари Пиотр ибиографиа аҟны раԥхьатәи арратә ԥышәахеит, қәҿиарахеит. Анаҩс, Пиотр Актәи абаӷәаза Таганрог аргылара далагеит, аҳәынҭқарра аҟны афлот шыҟамызгьы. Аха, Пиотр хықәкыс иҿаԥхьа иқәиргылоит иӷәӷәоу афлот аԥҵара, амшын аҟны анырра амазаара азы. Уи азын иара илшоз зегьы ҟаиҵеит, аамсҭацәа қәыԥшцәа аӷба аргыларатә занааҭ европатәи атәылақәа рҟны ирҵаларц азы.https://xn--1-itb3afj.xn--p1acf/ Иазгәаҭатәуп Пиотр Актәи ихаҭагьы аӷбақәа рыргылашьа шиҵоз, уи азын иара баша усуҩыс, махәҿала, анхацәа дрыдгыланы аус иуан. Ас еиԥш иусура иабзоураны ижәлар рыбжьара иаҳаҭыр даара ишьҭыҵит. Иара убасҟан ауп Пиотр Дуӡӡа аҳәынҭқарратә система аҟны акыр шьақәгылашьақәа рҽеимра гәеиҭо даналага, ареформа ҿыцқәагьы игәы иҭеикуеит, арҭ ареформақәа аҭоурых аҟны ахааназы ихьӡ аанрыжьит.https://24smi.org/celebrity/3555-petr-i.html Иара иҭиҵаауан европатәи аҳәынҭқарра дуқәа рышьақәгылашьа, иреиӷьу аҭагылазаашьақәа алкаауа. Ари аамҭа Пиотр Актәи ибиографиа аҟны ачарҳәара аԥнаҵеит, усҟан ауп ианеиҿкааз стрелецктәи ақәгылара. Аха, аҳ илшеит ари ақәгылара аанкылара, насгьы ацәгьаршыҩцәа зегьы рахьырхәра. Османтәи аимпериа аҟны аҭыԥ змаз акыр аиҿагыларақәа рнаҩс Пиотр Актәи иӡбоит аҭынчразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи анаҩс, иара Швециа абашьра далагоит. Иагьилшоит аӡиас Нева аӡы алаларҭа аҟны акыр абаашқәа инапахьы аагара, уа анаҩс, иргылан Пиотр Дуӡӡа иқалақь - Санкт-Петербург.https://ruskerealie.zcu.cz/r2-3A.php Пиотр Дуӡӡа иеибашьрақәа Акыр иқәҿиаз арратә компаниақәа рышьҭахь Пиотр Актәи илшоит Балтиатәи амшын ахь амҩа аартра, анаҩс уи «Европаҟа ахышә» ҳәа ахьӡырҵоит. Убри аамҭазы Урыстәылатәи аимпериа амчра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, Пиотр Дуӡӡа ихьӡ-иԥша акәзар, Европа зегьы ирдыруан. Иаарласны Урыстәыла иадҵан Мрагыларатәи Прибалтика. 1709 шықәсазы имҩаԥысит еицырдыруа Полтаватәи аибашьра. Ари аибашьра иалахәын ашведцәеи аурысцәеи рырхәҭақәа. Аибашьра алҵшәақәа ртәы ҳҳәозар, ашведцәа ԥыххаа иган, иаанхаз архәҭақәа ракәзар, шасыс иган.https://histerl.ru/periudi_istorii/petr_pervie/vojny-petra-pervogo.htm Иазгәаҭатәуп Пиотр Актәи ажәыларақәа дышрылахәыз, агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшуа. Иара дҿырԥшыган, уи ифырхаҵара аурыс архәҭақәа ргәы шьҭнахуан, дара аимператор изын ршьа ацәыкәбар нҵәаанӡа, аҵыхәтәанынӡа аибашьра иазыхиан. Аинтерес зҵоу фактуп, Полтаватәи аибашьра аан, аӷа ихы Пиотр Актәи ихылԥа иахьақәшәаз, ихы азааигәара сантиметрақәак ракәын иагыз. Ари даҽазныкгьы иарҵабыргит аимператор иԥсҭазаара дшацәымшәоз, аиааира аагаразы. Аха, аибашьра хыԥхьаӡара рацәала аибашьцәа рыԥсҭазаарақәа агон, атәыла аресурсқәа ҵнашәаауан. Убранӡа инаӡеит – Аурыс империа х-фронткны аибашьра ақәшәеит. Ари Пиотр Актәи адәныҟатәи аполитикахь имаз адунеихәаԥшышьа аԥсахит, акрызҵазкуаз аӡбамҭақәагьы идикылеит. Иара, аҭычратә еиқәышаҳаҭра аҭырқәцәа рҟны инапы аҵеиҩит, абааш Азовгьы шьҭахьҟа рыҭара дақәшаҳаҭхеит. Ас еиԥш аӡбамҭақәа рыдкылара, аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра иалнаршеит ауаа рыԥсҭазаарақәеи арратә техникеи реиқәырхара. Аамҭак ааҵхьаны, Пиотр Дуӡӡа мрагылараҟа аныҟәарақәа еиҿикаауа далагеит. Урҭ ирылҵшәахеит ақалақьқәа Омск, Семипалатинск, Камчатка уҳәа реиԥш иҟаз Урыстәыла иахьадлаз. Пиотр Актәи, иара убасгьы, иҭахын Ҩадатәи Америка, Индиаҟа аекспедициақәа реиҿкаара, аха урҭ апланқәа аԥсҭазаара изаламырҵәеит. Аха, Пиотр Актәи илшеит Персиаҟа Каспиатәи аныҟәара аиҿкааара, уи аан иара Баку, Дербент, Астрабад, иара убас акыр абаашқәа инапахьы иааигеит. Пиотр Актәи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь арҭ анапахьы иаагаз аҵакырадгьылқәа зегьы Урыстәыла иацәыӡит, избанзар аҳәынҭқарра азын урҭ рныҟәгара феида ҳәа акагьы аламызт.https://library.vladimir.ru/vystavki-2/vystavka-vojny-i-poxody-petra-i.html Пиотр Актәи иреформақәа Пиотр Актәи иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны акыр ареформақәа рымҩаԥгара илшеит, урҭ зегьы аҳәынҭқарра аҿиара иазырхаз ракәын. Иара иоуп аурыс напхгара рахьтә аимператор ҳәа зхы иазызҳәоз. Аха зегь реиҳа ихадаз ареформақәа ззырхаз арратә ус акәын. Уи анаҩсгьы, Пиотр Актәи инапхгараҭара аан ауп ауахәама аҳәынҭқарра анапаҵаҟа ианыҟала, уаанӡа ус еиԥш иҟамызт. Пиотр Актәи иреформақәа ааглыхра, ахәаахәҭра, насгьы ажәытә нхашьа ацәцара уҳәа рыҿиара иазырхан.https://swsu.ru/sbornik-statey/reformy-petra-polnostyu-opredelyalis-mentalitetom-ikh-vershitelya.php Ҿырԥштәыс иаагозар, иара иоуп ажакьа аныҟәгара ашәахтә ақәызҵаз, уи ала иара иҭахын абоиарцәа европаа реиԥш рҭеиҭыԥш еиҭаркырц. Ас еиԥш алагала аурыс ҭауади-аамсҭеи рышьҭра рганахь ала агәынамӡарақәа шцәырнагазгьы, аусԥҟа иқәныҟәон. Даара иуадаҩуп хырхарҭак алкаара, Пиотр Актәи иреформақәа зхьымсыз. Иара еиҿикааит раԥхьатәи Урыстәылатәи агазеҭ, иара убасгьы илшарақәа акыр адуп аҳәаанырцәтәи ашәҟәқәа аурыс бызшәахьы аиагара. Есышықәса атәыла аҟны иаадыртуан амедицинатә, амшынтә, анџьныртә уҳәа ашколқәа, уа аҵара рҵаларц рылшон ачынуаа рыхшара реиԥш, анхаҩцәа рыхшарагьы. Пиотр Актәи иоуп Иулиантәи амзаргьы алазгалаз, иахьа уажәраанӡагьы ахархәара змоу. Европа иҟазаара аан аҳ акыр асахьаҭыхымҭақәа ибеит, урҭ уаҩ ибла дыршанхон. Иҩныҟа даныгьежь иара асахьаҭыхыҩцәа афинансттә цхыраара рзыҟаиҵо далагеит, уи аурыс культура аҿиара акырӡа иацхраауан. Пиотр Актәи иреформақәа рымҩаԥгашьа азын акыр акритика изыҟарҵон, избанзар, урҭ зегьы мчыла ауаа ирыдигылон, ауаа рыхдыррақәа иԥсахуан, игәы иҭеикуаз аусқәагьы наигӡон. Игәҭакқәа рынагӡара ирҿырԥштәы хадоуп ақалақь Санкт-Петербург аргылара, уи акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуан. Аӡәырҩы ари аргылара иацыз аџьабаа рызхымгакәа ибналон. Ибналоз рҭаацәа ракәзар, абахҭа иҭаркуан, ибналаз аргыларахь игьежьаанӡа. Иаарласны Пиотр Актәи еиҿикааит аполитикатә ԥшаареи аӡбарҭеи русбарҭа, анаҩс уи Маӡалатәи канцелиарианы еиҭеиҿкаан. Дарбанызаалак ауаҩы иаркыз ауада аҟны аҩра азин имамызт. Ас еиԥш аҭыԥ шамаз заҳаз аҳ иҟынӡа инеимгар - ахара здыз ашьра иқәырҵон. Ас еиԥш иџьбараз аметодқәа рхархәара ала Пиотр Актәи иҭахын аиҳабыра ирҿагылоз ачарҳәарақәа раԥырҟәҟәаара.http://rapsinews.ru/publications/20190917/303879490.html Пиотр Актәи ихатәы ԥсҭазаара Пиотр Актәи данқәыԥшыз бзиа ибон Анемец ҳабла аҟны аҟазаара, иара аҳәаанырцәтәи аилазаара даара игәаԥхон. Иара уброуп раԥхьаӡа дахьибаз анемец ҭыԥҳа Анна Монс, иаразнакгьы бзиа диамхабоит. Иан лакәзар, арҭ аизыҟазаашьақәа дырҿагылон аҟнытә, илулак лԥа аурыс ҭыԥҳа Евдокиа Лопухина дигартә иҟалҵоит. Иџьашьатәызаргьы, Пиотр иан лажәа ҩбеимтәит. Лопухина пҳәысс дигеит. Урҭ ирыхшеит ҩыџьа аԥацәа: Алексеии Александри, аҩбатәи ахәыҷы дшыхәыҷӡаз иԥсҭазаара далҵит. Пиотр Актәи инаҩс иара иҭыԥ ааникылар акәын иԥа Алексеи. Аха Евдокиа лхаҵа иҭыԥ дахҳәаны лыҷкәын амчра иҭара лҽаназылшәа ашьҭахь, зегьы даҽакала иҟалеит. Лапухина аберҭыԥ ахь ддәықәҵан, Алексеи иакәзар, аҳәаанырцәҟа дыбналаны ацара иқәшәеит. Абра иҳәатәуп Алексеи иаб иреформақәа зынӡагьы дшырзыразымыз, иаб адеспот ҳәа изиҳәон. 1717 шықәсазы Алексеи дыԥшааны дырбаандаҩын, анаҩс ачарҳәаразы ашьрагьы иқәҵан. Аха иара ихала абахҭаҟны дыԥсит, еилкаам аҭагылазаашьақәа рыла. Иԥҳәыси иареи анеилыҵ ашьҭахь, Пиотр Актәи 1703 шықәсазы бзиа дибоит 19 шықәса зхыҵуаз Катерина (даныӡӷабыз - Марта Самуил- иԥҳа Скавронскаиа). Урҭ рыбзиабара акыр шықәса аҭыԥ аман. Аамҭак анаҩс дара еибагоит, аха еибагаанӡа лара аимператор иҟынтә ҩыџьа аԥҳацәа лоухьан – Аннеи (1708) Елизаветеи (1709). Елизавета анаҩс даҳкәажәхеит (1741–1761шш.) Катерина даара иҟәышыз, аилкаара змаз ԥҳәызбан. Лараӡәк лоуп изылшоз аҳ ижьжьара, иргәыбзыӷра, уи ахыхь ӷәӷәа анизцәырҵуаз аамҭазы. Официалла Пиотр аԥҳәыс дигеит аҩынтә раан 1712 шықәсазы. Уи ашьҭахь дара даҽа жәҩык ахшара роуит, урҭ реиҳараҩык ишхәыҷқәаз рыԥсҭазаара иалҵит. Пиотр Актәи Катерина даара бзиа дибон. Лара лаҳаҭыраз иаԥҵан аорден «Иԥшьоу Екатерина», насгьы Урал иҟаз ақалақь Екатеринбург ахьыӡҵан. Екатерина Актәи лыхьӡ ахуп Екатерининтәи ахан Аҳцәа Рқыҭа (Царское Село) аҟны (иара ргылан Елизавета Пиотр-иԥҳа лхаан). Иаарласны Пиотр Актәи инысмҩа аҟны дцәырҵит даҽа ԥҳәызбакгьы, Мариа Кантемир, уи аимператор изы иԥсҭазаара далҵаанӡа фавориткас дыҟан.http://rapsinews.ru/incident_publication/20180911/287428473.html Пиотр иԥсра Ҭеиҭыԥшла Пиотр Актәи даара иӷәӷәаз, агәабзиара змаз аӡә иоуп уҳәаратәы дыҟан, аха иԥсҭазаара зегьы ахыхь бааԥсы даргәаҟуан. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара аҷаҷа чымазарагьы даргәамҵуа далагеит, уи хьаас ишикымзгьы. 1725 шықәсазы изцәырҵуаз ахьаақәа убри аҟара иӷәӷәахеит, ииарҭа дзылымҵуа аҟынӡа днаргеит. Игәабзиара есҽны еицәахон, ахьаақәа рычҳара уадаҩхон. Пиотр Актәи Алексеи- иԥа Романов иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 28, 1725 шықәсазы Аӡынтәи ахан аҟны. Уи иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭоуп агәаҵәыхь. Аха, анаҩс излеилкаахаз ала, дызгаз ианкьапышҭа ахьҭа иалалаз агангренахь аиасра ауп. Пиотр Дуӡӡа анышә дамадоуп Петропавловсктәи абаа аҟны Санкт- Петербург, аурыс аҳратәра ашьҭрамдаҩыс дҟалеит иԥҳәыс Екатерина Актәи.https://igardens.ru/event/28-january-the-death-of-peter-i/ Азгәаҭақәа Акатегориа:Рашәарамза 9 рзы ииз Акатегориа:1672 шықәсазы ииз Акатегориа:Жәабранмза 8 рзы иԥсыз Акатегориа:1725 шықәсазы иԥсыз
37764
https://ab.wikipedia.org/wiki/Актәи_адунеизегьтәи_аибашьра
Актәи адунеизегьтәи аибашьра
[[Афаил:WWImontage.jpg|мини|Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш.]] '''Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш.''' – ҩ-коалициак рҳәынҭқаррақәа рыбжьара аибашьра (Антантеи Агәҭантәи аҳәынҭқаррақәа рблоки рганқәа), адунеии аколониақәеи реиҟәшаразы, уа анырра ӷәӷәа аиуразы. Ари раԥхьатәи арратә конфликтуп, ас еиԥш адунеитә мҽхакы змаз иаланагалеит усҟантәи аамҭазы ихьыԥшымыз 59 ҳәынҭқарра рҟынтәи 38 тәыла (ари ишьақәнаргылон 2/3 ахәҭа адунеи ауааԥсыра зегьы аҟынтә).<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/military_science/text/2711149 |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2021-05-06 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210506115601/https://bigenc.ru/military_science/text/2711149 |url-status=dead }}</ref> == Актәи адунеизегьтәи аибашьра: изыхҟьаз == Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеит ԥхынгәымза 28, [[1914]] шықәсазы, иагьхыркәшан абҵарамза 11, [[1918]] шықәсазы. Ари зегь реиҳа амҽхак змаз актәи арратә конфликтуп, иара Антанта аҳәынҭқаррақәеи (Урыстәыла, Британиа Ду, Франциа) насгьы, Агәҭатәи аҳәынҭқаррақәа рблок (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа) рыбжьара аҭыԥ аман.<ref>https://istoriarusi.ru/imper/pervaja-mirovaja-vojna-1914-1918.html</ref> == Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алахәцәа == Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәын агәҭантәи аҳәынҭқарра дуқәа: Германиа, Австро-Венгриа, Османтәи аимпериа, Болгариа. Аидгылаҩцәа (Антанта): Франциа, Британиа Ду, Урыстәыла, Иапониа, Сербиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Италиа (аҵыхәтәантәи аибашьра иалахәын Антанта аганахь ала 1915 шықәса инаркны). Антанта аҩызцәа (Антанта ацхыраара арҭеит аибашьра аан): Черногорие, Бельгиа, Бырзентәыла (Грециа), Бразилиа, Китаи, Афганистан, Куба, Никарагуа, Сиам, Гаити, Либериа, Панама, Гондурас, Коста-Рика.<ref>{{Cite web |url=https://istoria-mira.ru/novoe-vremya/pervaya-mirovaya-vojna/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2023-05-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230529150944/https://istoria-mira.ru/novoe-vremya/pervaya-mirovaya-vojna/ |url-status=dead }}</ref> Актәи адунеизегьтәи аибашьра зыхҟьаз иалацәажәоит уи анналага, нанҳәамза 1914 шықәса раахыс, адунеитә ҭоурыхҭҵааҩцәа зегьы. Аибашьра алагара зыхҟьаз зехьынџьара амилаҭтә гәалаҟазаарақәа рцәырҵра ауп. Аха аибашьра алагара мзызс иаиуит Сараеватәи аибашьра, уи аҭыԥ аман рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, усҟан дшьын австриатәи агерцог Франц Фердинанд, уи дишьит сербиатәи астудент Гаврил Принцип, иара маӡалатәи аиҿкаара «Иқәыԥшу Босниа» далахәылан, ари аҿкаара ладатәи аславиантә жәларқәа ҳәынҭқарракны реизакра иазықәԥон.<ref>https://www.pravmir.ru/pervaja-mirovaja-vojna/</ref> Ԥхынгәымза 23, [[1914]] шықәсазы Австро-Венгриа Германиа адгылара ала, Сербиа аультиматум азықәнаргылеит, уа дҵаны иқәгылан Сербиа аҵакырадгьыл ашҟа арратә еиҿкаарақәа рынамышьҭра, насгьы сербиатәи амчрақәеи дареи рымчала аҿагыларатә акциақәа раанкылара. Сербиа ари аультиматум аҭак иҟанаҵаз Австро-Венгриа иагәамԥхеит, убри аҟынтә ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы Сербиа ишабашьуа рыланаҳәеит.<ref>https://obrazovaka.ru/istoriya/uchastniki-pervoy-mirovoy-voyny-1914-1918.html</ref> == Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алагара == Рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, зеижә шықәса зхыҵуаз астудент, босниатәи асерб Гаврило Принцип, ааигәа аннексиа зызуз Босниеи Герцеговинеи рҵакырадгьылқәа збарц иааз австро-венгриатәи аҳ ишьҭрамдаҩы Франц Ферденанд дишьуеит. Ԥхынгәымза 23 рзы, Австро-Венгриа Сербиа аультиматум азықәнаргылоит, уи аерцгерцог ишьра харас иадҵо. Аультиматум ахәаԥшразы Сербиаа ирыҭан 48 сааҭ. Ишьақәгылан аультиматум 10 пунктк рыла, урҭ даара асуверентә ҳәынҭқарра аҳаҭыр ладырҟәуан. Аха, ус шакәызгьы, Сербиа арҭ апунктқәа 10 рахьтә 9 рынагӡара иақәшаҳаҭхеит, аха акы мап ацәыркит, уи иаҳәон: «Сараевотәи ауаҩшьра иалахәыз ирзырхаз аусҭҵаара амҩаԥгара австриатәи аиҳабыра ралахәхара». Антанта атәылақәа, иара убасгьы Урыстәыла аконфликт ҭынч мҩала аиқәыртәара иашьҭан, уи азын иӡбан ари аҭыӡшәа Гаагатәи аконференциа ашҟа алацәажәаразы инашьҭызарц. Ԥхынгәымза 26 азы Австро-Венгриа аҳәамҭа ҟанаҵеит аультиматум адҵақәа шынагӡам, насгьы, архәҭақәа сербиатәи аҳәаахь аизгара иалагеит ҳәа ԥхынгәымза 28 рзы, Белград алахысра ала Сербиа абашьра ргәы ишҭоу азы аҳәамҭа ҟаҵан.<ref>https://historykratko.com/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg</ref> Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит, Сербиа аоккупациа шалдмыршо азы, уи инақәыршәаны, ԥхынгәымза 31 азы Урыстәылатәи аимпериа аррахь амобилизациа рыланаҳәеит. Германиа акәзар, аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла амобилизациа ианаҟәымҵ аамҭазы аибашьра шрылаҳәахо ала. Нанҳәамза 1, 1914 шықәсазы Германиа Урыстәыла аибашьра аланаҳәеит, август 3 азы Франциеи Бельгиеи мап ацәыркит германиатәи архәҭақәа дара рҵакырадгьылқәа рҟынтәи ирылсны ацаразы иқәыргылаз аультиматум. Британиа Ду дҵаны иқәнаргылеит Германиа Бельгиа анеитралитет иаламкьысырц, аха мап ахьырцәыркыз август 4 азы рдоминионцәеи дареи Германиа ишабашьуа рыларҳәеит. Нанҳәамза 6 рзы, Австро-Венгриа Урыстәыла ишабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Германиеи Австро-Венгриеи рыдгылаҩ Италиа акәзар, анеитралитет рыланаҳәеит. Убриакәхеит, Актәи Адунеизегьтәи аибашьрагьы иалагеит.<ref>https://historyrussia.org/sobytiya/1-avgusta-1914-goda-nachalas-pervaya-mirovaya-vojna.html</ref> == Аганқәа рпланқәа == Атәылақәа зегьы еилых ҟамҵакәан ари аибашьра акраамҭа ицалап ҳәа агәаанагара рымамызт, дара зегьы гәыӷуан аӡын 1914 шықәсазы еилгап ҳәа. '''Германиа''' акәзар, «Шлиффен иплан» ҳәа изышьҭаз иқәныҟәон, уи аплан инақәыршәаны, анемец архәҭақәа ааба рахьтә быжьба мраҭашәаратәи афронт аҟны иқәгылон. Дара инеитралтәыз аҵакырадгьылқәа Лиуксембурги Бельгиеи ирылсны франциаа рырхәҭақәа рахь ицәырҵны иԥыххаа иргар акәын, Париж рнапахьы иааганы Франциа аибашьра иалганы, анаҩс рымчқәа зегьы Урыстәыла аҿагыларазы идырхон. Еицырдыруа иҟалеит Вильгельм аҩбатәи иҳәамҭа: «Шьыбжьхьа ҟалоит Париж, ахәылбыҽха акәзар, ҳакрыфара – Санкт Петербург». Мрагыларатәи аҳәаақәа Мрагыларатәи Пруссиа ахьчаразы иқәыргылан адәныҟатәи архәҭақәа.<ref>https://www.kommersant.ru/doc/2535133</ref> '''Австро- Венгриагьы''' ҩ-фронткны аибашьра ақәшәеит: 1/3 архәҭақәа Сербиатәи афронт ахь инашьҭын, 2/3 ахәҭа акәзар, урыстәылатәи Алада-Мраҭашәаратәи афронт иаҿагылан. Урҭ рхықәкы аурыс архәҭақәа аҳәаа раҟәыгара акәын, анаҩс, Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә инеиуаз анемец архәҭақәеи дареи еицхырааны Урыстәыла ақәлара ргәы иҭан.<ref>https://www.gazeta.ru/science/2014/08/06_a_6162825.shtml</ref> '''Франциа''' апланқәа рахь иаҵанакуан Ельзаси Лотарингиеи рҵакырадгьылқәа рықәлара, аха рыстратегиа еиҭахәаԥшыр акәхеит, избанзар анемеццәа Бельгиа ала рхырхарҭа рыԥсахыр акәхеит. '''Британиа Ду''' акәзар, Германиа афлот ақәгаразы еибашьуан, аха адгылаҩцәа рықәымчра иабзоураны аибашьра аламҭалазы афранцызцәа аекспедициатә корпус 7,5 адивизиа аҟынтә ацхыраара рзынашьҭын. '''Урыстәыла''' архәҭақәа ҩ-фронткны иашар акәхеит: Аҩада-мраҭашәаратәи – уи ҩ-архәҭак рыла ишьақәгылан, арҭ архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа иҟаз анемеццәа ирҿагылан; Алада-Мраҭашәаратәи шьақәгылан архәҭақәа ԥшьба рыла – урҭ австриаа ирабашьлар акәын. Планс иҟаз – иаарласны Австро-Венгриа аибашьра алгара акәын, анаҩс амчрақәа зегьы Германиа аҿагылара иазырхахон.<ref>https://www.prlib.ru/history/619424</ref> == Актәи адунеизегьтәи аибашьра: ахҭысқәа рыҿиашьа == === 1914 шықәса === Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра иалагеит нанҳәамза 2 рзы, усҟан анемец архәҭақәа Лиуксембург иалалеит, уаантәи Бельгиа аҵакырадгьыл иахысны Франциа аҳәаахь инеит. Ари аиҿагылара аҟны анемеццәа аидгылаҩцәа рырхәҭақәа ԥыхха иганы Парижынтә маҷк мрагылараҟа аӡиас Марна ашҟа ицәырҵит. Афранцызцәа иаарласны даҽа ҩ-архәҭак аиҿкаара рылшоит. Цәыббрамза 5 инаркны жәаҩанӡа Марна аҩхықәк рҟны инарҭбааз аибашьрақәа цон, урҭ аҩганк реибашьрақәа ирылахәын 2 миллионҩык ауаа. Анемеццәа Париж иалцан. Анаҩс, еиҿагылоз архәҭақәа ҩадаҟа инаскьон еибашьрыла, амшын аԥшаҳәа аҟынӡа инеиаанӡа – «амшын ахь аҩра» ҳәа ззырҳәоз ахҭыс ауп ари. Абри алагьы афронт ҭышәынтәалахеит, аҭабиатә еибашьрагьы иалагеит. Германиа аныҟәаракьаҿ акагьы злымҵыз усхеит.<ref>https://histerl.ru/otechestvennaia_istoria/pervaya-mirovaya-vojna/periodizaciya-osnovnyx-sobytij.htm</ref> Мрагыларатәи афронт аҟны Франциа иҟанаҵаз аҳәара ала, Урыстәыла ақәылара иалагеит, усҟан анемеццәа ржәыларақәа ирыхҟьаны, афранцызцәа шьҭахьҟа ахьаҵра иаҿын. Мрагыларатәи Пруссиа аҵакырадгьыл иақәлаз, аинрал Ренненкампф актәи ирхәҭа Губиннен-Гольдаптәи аибашьра аан, аабатәи анемец архәҭа ԥыхха иагеит. Ара аиааира аанкылара рылымшеит: анемец архәҭақәа рҽеизганы аҩбатәи аурыс архәҭа, аинрал Самсонов напхгара зиҭоз, Мазуртәи аӡиасқәа рааигәа ирыжәлоит. Архәҭа иакәшаны иԥыхха иган. Самсонов иакәзар, иҽишьуеит. Актәи архәҭа анкьатәи аҭыԥ ахь, ашьҭахьҟа игьежьуеит. Арҭ ахҭысқәа арыцҳаратә лҵшәақәа шрыцызгьы, аурыс архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа ала ржәылара анемеццәа рпланқәа хнарбгалеит: дара Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә рырхәҭақәа рыхәҭак, аабатәи архәҭақәа рыцхыраара азы иианагар акәхеит, уи алагьы Марна аибашьра аан рымчқәа ԥсыҽхеит. Галициатәи аоперациа аан Лада-Мраҭашәаратәи афронт аҟны еибашьуаз австриаа ԥыхха иган. Иган – Львов, Галич уҳәа акыр ақалақьқәа. Варшаватәи акәацәра аҿы аибашьра аан хыԥхьаӡара рацәалатәи ажәыларақәа афронт даара иаԥсахит. Нанҳәамза 23 рзы Германиа аибашьра аланаҳәеит Иапониа.<ref>http://pervaya-mirovaya.ru/etapy-pervoy-mirovoy-voyny-kratko/</ref> Абҵарамза 1 азы х-ганктәи ахеилак иадгыланы аибашьраз иқәгылеит Османтәи аимпериа. === 1915 шықәса === 1915 шықәсазтәи акомпаниа аан анемец командаҟаҵара иаӡбоит аплан аиҭакра: уи инақәыршәаны, анемец мчрақәа реиҳарак Мрагыларатәи афронт ахь идәықәҵан, Урыстәылатәи архәҭақәа ԥыхха иганы аибашьра алгара хықәкыс иҟаҵаны. Иара убри аамҭазы, аурыс архәҭақәа абџьари аџьаԥҳани рзымхара рныԥшуа иалагеит. Абри иахҟьаны анемец архәҭақәа ржәылара аан, аурысқәа ахьаҵра иалагеит – иааныжьын Польша, Галициа, Литва, Беларуссиеи Латвиеи рыхәҭақәак. Афронт шьақәгылеит Рига-Двинск-Барановичи-Пинск-Дубно-Тарнополь ацәаҳәаҟны. Аха, Урыстәылатәи архәҭақәа рыцҟьара азы ишьақәыргылаз анемеццәа рстратегиатә план хыбгалеит. Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра апозициатә ҟазшьа аанахәеит, ара ахархәара аҭан абџьархк ҿыц. Ипр азааигәара анемец арбџьармчқәа ржәылараан раԥхьаӡа акәны ахархәара аҭан ахимиатә бџьар – ахлор. Уинстон Черчилль иабжьгара ала еиҿкаан лҵшәа аазмышьҭыз Дарданеллтәи аоперациа, уи мҩаԥысуан жәабранмза 19, 1915 шықәса инаркны, ажьырныҳәамза 9, 1916 шықәсанӡа. Хықәкыс иамаз Константинополь анапахьы аагара, Ҭырқәтәыла аибашьра алҵра, насгьы Урыстәылаҟа амшынтә мҩа аартра акәын. Лаҵарамза 23 рзы Антанта аганахь ала аибашьра ахы аланагалоит Италиа. Жьҭаарамза 14 рзы Германиа иадгыланы аибашьра иалагоит Болгариа. Ицәырҵит Иԥшьбахаз ахеилак (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа, Османтәи аимпериа).<ref>https://nashahistory.ru/materials/pervaya-mirovaya-voyna-1915</ref> === 1916 шықәса === 1916 шықәсазтәи акомпаниа аан Германиа архәҭа хадақәа Мраҭашәаратәи афронт аҟны еизнагоит, уи хықәкыс иамаз аибашьра Франциа алгара акәын. Ақалақь Верден азааигәара еизган хыԥхьаӡара рацәала аруааи артиллериеи. Германиатәи архәҭақәа '''Вердентәи аоперациа''' иалагеит жәабранмза 21 рзы, амчқәа даара ишыӷәӷәазгьы, анемеццәа ара аԥыжәара рзымгеит. Аибашьра даара ишьаарҵәырахеит, краамҭагьы ицон. Аҩганкгьы ацәыӡ дуқәа роуит (миллионҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит). Жәамз ицоз ари аоперациа лҵшәадахеит. Аҭоурых аҟны ари ажәылара «'''Верденская мясорубка'''» ҳәа ахьӡ аманы иаанхеит.<ref>http://www.historicalreporter.ru/archive/the-first-world-war-1916/</ref> Илҵшәадахеит аидгылаҩцәа ржәылара аӡиас Сомма аҟынгьы, абџьархк ҿыц, атанккәа, ахархәара шрырҭазгьы. Мрагыларатәи афронт аҟны акәзар, ароль ду нанагӡеит «'''Брусиловский прорыв»''' ҳәа ззырҳәо, уи аан аурыс архәҭақәа австриатәи анемец архәҭақәа ашәарҭара рзаԥырҵеит Австро-Венгриа аибашьра алҵразы. Германиеи Австро-Венгриеи рырхәҭақәа егьырҭ афронтқәа рҟынтә иианагар акәхеит, убри алагьы, афранцызцәа Верден аҵаҟеи, аиталианеццәа Триента аҵаҟеи рҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхеит. Антанта аганахьала, нанҳәамза 27 рзы, аибашьра зхы алазгалаз Румыниа акыр аҵахарақәа аман, уи иахҟьаны Урыстәыла егьырҭ афронтқәа рҟынтәи архәҭақәа ықәганы ацхыраара аҟаҵара иалагар акәхеит. Мрагыларатәи афронт даҽа 500 километра аура аиуит. Кавказтәи афронт аҟны акәзар, аурыс архәҭақәа 250 километра Османтәи аимпериа аҵакырадгьыл ахь анаскьара рылшеит, дара рнапахьы иааргеит ақалақьқәа Ерзурум, Трапезунд, Ерзинџьан. Амшын аҟны лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1-нӡа аҭыԥ аман зегьы реиҳа амҽхак змаз Адунеизегьтәи актәи аибашьра аҟны, амшынтә еибашьра – '''Иутландтәи'''. Британиатәи афлот ари аибашьра аҟны иацәыӡит 14 ӷба, быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа; германиатәи афлот акәзар – жәеиза ӷба, х-нызықьҩык рҟынӡа ауаа. Аха Британиа Ду амшын аҟны аҳра шамаз иаанхеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.kozlovskoesp.ru/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2023-06-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230601014653/https://www.kozlovskoesp.ru/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918.html |url-status=dead }}</ref> === 1917 шықәса === 1917 шықәсазы Антанта атәылақәа рекономикатә ԥыжәара даара ианыԥшуа иалагеит, Агәҭатәи атәыла дуқәа ажәыларақәа ирылагеит. Иара убасгьы, мшаԥымза 6 азы Еиду Америкатәи Аштатқәа Антанта аганахь ала аибашьра иалагеит. Аидгылаҩцәа ржәыларақәа лҵшәадахеит. Урыстәыла акәзар, Жәабранмзатәи ареволиуциа ашьҭахь амонархиа хыбгалеит. Илҵшәадахаз аԥхынтәи ажәылара ашьҭахь аурыс архәҭақәа Рига аанрыжьыр акәхеит. Амчратә хҳәара ашьҭахь амчрахь инеиз абольшевикцәа аҭынчразы асепараттә еиҿцәажәарақәа ирылагеит. Формалла Урыстәыла аибашьра иалҵит. === 1918 шықәса === Урыстәылатәи ареволиуциа егьырҭ атәылақәа ргәалаҟазаара даара ианыԥшит. Аидгылаҩцәа инарҭбааз ажәыларатә операциақәа рымҩаԥгара рпланқәа рҟны иарбамызт, иахәҭаз америкатәи аконтингент аанӡа. Германиа акәзар, аҵыхәтәантәи ажәылара аҽазнакит, избанзар аекономикатә ресурсқәеи ауаа рзымхареи даара иӷәӷәан. Убри аан 60 немец дивизиа рҟынӡа Урыстәылаҟа аинтервенциа азы инашьҭын. Мраҭашәаратәи афронт аҟны анемеццәа ржәылара лҵшәа аанамышьҭит, аидгылаҩцәа ракәзар, аԥхынразы аконтржәыларахь ииасит. Германиа ҭагалан арра-економикатә мчкаԥсара иазнеит аҟнытә, жьҭаарамза 5 рзы, Германиа Вудро Вильсон иахь ааԥхьара ҟанаҵеит аинышәаразы. Цәыббрамза 29 рзы – Болгариа акапитулиациа ҟанаҵеит. Жьҭаарамза 30 рзы – Османтәи аимпериа. Абҵарамза 3 рзы – Австро-Венгриа. Абҵарамза 11 рзы – Компиентәи абнаҟны Германиеи аидгылаҩцәеи рыбжьара аинышәаразы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын.<ref>https://www.prlib.ru/collections/467020</ref> == Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа == Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа рыла ԥшь-империак рыҟазаара аанкылан – Урыстәылатәи, Германиатәи, Османтәи, Австро-Венгриатәи. Европа ахсаалаҿы ицәырҵит аҳәынҭқарра ҿыцқәа. Еибашьуаз аганқәа рахьтә арра инаԥхьаз 70 миллионҩык ауаа рахьтә жәа-миллионҩык рҟынӡа ҭахеит. Аҭынчуааԥсыра рыбжьара иҭахаз рхыԥхьаӡара 12 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Амлакреи аепидемиеи 20 миллионҩык рҟынӡа ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.rubaltic.ru/article/kultura-i-istoriya/20191110-pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg-prichiny-sut-konflikta-khronologiya-itogi/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2024-01-30 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240130102107/https://www.rubaltic.ru/article/kultura-i-istoriya/20191110-pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg-prichiny-sut-konflikta-khronologiya-itogi/ |url-status=dead }}</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} [[Акатегориа:Актәи адунеизегьтәи аибашьра]]
Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш. – ҩ-коалициак рҳәынҭқаррақәа рыбжьара аибашьра (Антантеи Агәҭантәи аҳәынҭқаррақәа рблоки рганқәа), адунеии аколониақәеи реиҟәшаразы, уа анырра ӷәӷәа аиуразы. Ари раԥхьатәи арратә конфликтуп, ас еиԥш адунеитә мҽхакы змаз иаланагалеит усҟантәи аамҭазы ихьыԥшымыз 59 ҳәынҭқарра рҟынтәи 38 тәыла (ари ишьақәнаргылон 2/3 ахәҭа адунеи ауааԥсыра зегьы аҟынтә). Актәи адунеизегьтәи аибашьра: изыхҟьаз Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеит ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы, иагьхыркәшан абҵарамза 11, 1918 шықәсазы. Ари зегь реиҳа амҽхак змаз актәи арратә конфликтуп, иара Антанта аҳәынҭқаррақәеи (Урыстәыла, Британиа Ду, Франциа) насгьы, Агәҭатәи аҳәынҭқаррақәа рблок (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа) рыбжьара аҭыԥ аман.https://istoriarusi.ru/imper/pervaja-mirovaja-vojna-1914-1918.html Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алахәцәа Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәын агәҭантәи аҳәынҭқарра дуқәа: Германиа, Австро-Венгриа, Османтәи аимпериа, Болгариа. Аидгылаҩцәа (Антанта): Франциа, Британиа Ду, Урыстәыла, Иапониа, Сербиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Италиа (аҵыхәтәантәи аибашьра иалахәын Антанта аганахь ала 1915 шықәса инаркны). Антанта аҩызцәа (Антанта ацхыраара арҭеит аибашьра аан): Черногорие, Бельгиа, Бырзентәыла (Грециа), Бразилиа, Китаи, Афганистан, Куба, Никарагуа, Сиам, Гаити, Либериа, Панама, Гондурас, Коста-Рика. Актәи адунеизегьтәи аибашьра зыхҟьаз иалацәажәоит уи анналага, нанҳәамза 1914 шықәса раахыс, адунеитә ҭоурыхҭҵааҩцәа зегьы. Аибашьра алагара зыхҟьаз зехьынџьара амилаҭтә гәалаҟазаарақәа рцәырҵра ауп. Аха аибашьра алагара мзызс иаиуит Сараеватәи аибашьра, уи аҭыԥ аман рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, усҟан дшьын австриатәи агерцог Франц Фердинанд, уи дишьит сербиатәи астудент Гаврил Принцип, иара маӡалатәи аиҿкаара «Иқәыԥшу Босниа» далахәылан, ари аҿкаара ладатәи аславиантә жәларқәа ҳәынҭқарракны реизакра иазықәԥон.https://www.pravmir.ru/pervaja-mirovaja-vojna/ Ԥхынгәымза 23, 1914 шықәсазы Австро-Венгриа Германиа адгылара ала, Сербиа аультиматум азықәнаргылеит, уа дҵаны иқәгылан Сербиа аҵакырадгьыл ашҟа арратә еиҿкаарақәа рынамышьҭра, насгьы сербиатәи амчрақәеи дареи рымчала аҿагыларатә акциақәа раанкылара. Сербиа ари аультиматум аҭак иҟанаҵаз Австро-Венгриа иагәамԥхеит, убри аҟынтә ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы Сербиа ишабашьуа рыланаҳәеит.https://obrazovaka.ru/istoriya/uchastniki-pervoy-mirovoy-voyny-1914-1918.html Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алагара Рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, зеижә шықәса зхыҵуаз астудент, босниатәи асерб Гаврило Принцип, ааигәа аннексиа зызуз Босниеи Герцеговинеи рҵакырадгьылқәа збарц иааз австро-венгриатәи аҳ ишьҭрамдаҩы Франц Ферденанд дишьуеит. Ԥхынгәымза 23 рзы, Австро-Венгриа Сербиа аультиматум азықәнаргылоит, уи аерцгерцог ишьра харас иадҵо. Аультиматум ахәаԥшразы Сербиаа ирыҭан 48 сааҭ. Ишьақәгылан аультиматум 10 пунктк рыла, урҭ даара асуверентә ҳәынҭқарра аҳаҭыр ладырҟәуан. Аха, ус шакәызгьы, Сербиа арҭ апунктқәа 10 рахьтә 9 рынагӡара иақәшаҳаҭхеит, аха акы мап ацәыркит, уи иаҳәон: «Сараевотәи ауаҩшьра иалахәыз ирзырхаз аусҭҵаара амҩаԥгара австриатәи аиҳабыра ралахәхара». Антанта атәылақәа, иара убасгьы Урыстәыла аконфликт ҭынч мҩала аиқәыртәара иашьҭан, уи азын иӡбан ари аҭыӡшәа Гаагатәи аконференциа ашҟа алацәажәаразы инашьҭызарц. Ԥхынгәымза 26 азы Австро-Венгриа аҳәамҭа ҟанаҵеит аультиматум адҵақәа шынагӡам, насгьы, архәҭақәа сербиатәи аҳәаахь аизгара иалагеит ҳәа ԥхынгәымза 28 рзы, Белград алахысра ала Сербиа абашьра ргәы ишҭоу азы аҳәамҭа ҟаҵан.https://historykratko.com/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит, Сербиа аоккупациа шалдмыршо азы, уи инақәыршәаны, ԥхынгәымза 31 азы Урыстәылатәи аимпериа аррахь амобилизациа рыланаҳәеит. Германиа акәзар, аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла амобилизациа ианаҟәымҵ аамҭазы аибашьра шрылаҳәахо ала. Нанҳәамза 1, 1914 шықәсазы Германиа Урыстәыла аибашьра аланаҳәеит, август 3 азы Франциеи Бельгиеи мап ацәыркит германиатәи архәҭақәа дара рҵакырадгьылқәа рҟынтәи ирылсны ацаразы иқәыргылаз аультиматум. Британиа Ду дҵаны иқәнаргылеит Германиа Бельгиа анеитралитет иаламкьысырц, аха мап ахьырцәыркыз август 4 азы рдоминионцәеи дареи Германиа ишабашьуа рыларҳәеит. Нанҳәамза 6 рзы, Австро-Венгриа Урыстәыла ишабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Германиеи Австро-Венгриеи рыдгылаҩ Италиа акәзар, анеитралитет рыланаҳәеит. Убриакәхеит, Актәи Адунеизегьтәи аибашьрагьы иалагеит.https://historyrussia.org/sobytiya/1-avgusta-1914-goda-nachalas-pervaya-mirovaya-vojna.html Аганқәа рпланқәа Атәылақәа зегьы еилых ҟамҵакәан ари аибашьра акраамҭа ицалап ҳәа агәаанагара рымамызт, дара зегьы гәыӷуан аӡын 1914 шықәсазы еилгап ҳәа. Германиа акәзар, «Шлиффен иплан» ҳәа изышьҭаз иқәныҟәон, уи аплан инақәыршәаны, анемец архәҭақәа ааба рахьтә быжьба мраҭашәаратәи афронт аҟны иқәгылон. Дара инеитралтәыз аҵакырадгьылқәа Лиуксембурги Бельгиеи ирылсны франциаа рырхәҭақәа рахь ицәырҵны иԥыххаа иргар акәын, Париж рнапахьы иааганы Франциа аибашьра иалганы, анаҩс рымчқәа зегьы Урыстәыла аҿагыларазы идырхон. Еицырдыруа иҟалеит Вильгельм аҩбатәи иҳәамҭа: «Шьыбжьхьа ҟалоит Париж, ахәылбыҽха акәзар, ҳакрыфара – Санкт Петербург». Мрагыларатәи аҳәаақәа Мрагыларатәи Пруссиа ахьчаразы иқәыргылан адәныҟатәи архәҭақәа.https://www.kommersant.ru/doc/2535133 Австро- Венгриагьы ҩ-фронткны аибашьра ақәшәеит: 1/3 архәҭақәа Сербиатәи афронт ахь инашьҭын, 2/3 ахәҭа акәзар, урыстәылатәи Алада-Мраҭашәаратәи афронт иаҿагылан. Урҭ рхықәкы аурыс архәҭақәа аҳәаа раҟәыгара акәын, анаҩс, Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә инеиуаз анемец архәҭақәеи дареи еицхырааны Урыстәыла ақәлара ргәы иҭан.https://www.gazeta.ru/science/2014/08/06_a_6162825.shtml Франциа апланқәа рахь иаҵанакуан Ельзаси Лотарингиеи рҵакырадгьылқәа рықәлара, аха рыстратегиа еиҭахәаԥшыр акәхеит, избанзар анемеццәа Бельгиа ала рхырхарҭа рыԥсахыр акәхеит. Британиа Ду акәзар, Германиа афлот ақәгаразы еибашьуан, аха адгылаҩцәа рықәымчра иабзоураны аибашьра аламҭалазы афранцызцәа аекспедициатә корпус 7,5 адивизиа аҟынтә ацхыраара рзынашьҭын. Урыстәыла архәҭақәа ҩ-фронткны иашар акәхеит: Аҩада-мраҭашәаратәи – уи ҩ-архәҭак рыла ишьақәгылан, арҭ архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа иҟаз анемеццәа ирҿагылан; Алада-Мраҭашәаратәи шьақәгылан архәҭақәа ԥшьба рыла – урҭ австриаа ирабашьлар акәын. Планс иҟаз – иаарласны Австро-Венгриа аибашьра алгара акәын, анаҩс амчрақәа зегьы Германиа аҿагылара иазырхахон.https://www.prlib.ru/history/619424 Актәи адунеизегьтәи аибашьра: ахҭысқәа рыҿиашьа 1914 шықәса Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра иалагеит нанҳәамза 2 рзы, усҟан анемец архәҭақәа Лиуксембург иалалеит, уаантәи Бельгиа аҵакырадгьыл иахысны Франциа аҳәаахь инеит. Ари аиҿагылара аҟны анемеццәа аидгылаҩцәа рырхәҭақәа ԥыхха иганы Парижынтә маҷк мрагылараҟа аӡиас Марна ашҟа ицәырҵит. Афранцызцәа иаарласны даҽа ҩ-архәҭак аиҿкаара рылшоит. Цәыббрамза 5 инаркны жәаҩанӡа Марна аҩхықәк рҟны инарҭбааз аибашьрақәа цон, урҭ аҩганк реибашьрақәа ирылахәын 2 миллионҩык ауаа. Анемеццәа Париж иалцан. Анаҩс, еиҿагылоз архәҭақәа ҩадаҟа инаскьон еибашьрыла, амшын аԥшаҳәа аҟынӡа инеиаанӡа – «амшын ахь аҩра» ҳәа ззырҳәоз ахҭыс ауп ари. Абри алагьы афронт ҭышәынтәалахеит, аҭабиатә еибашьрагьы иалагеит. Германиа аныҟәаракьаҿ акагьы злымҵыз усхеит.https://histerl.ru/otechestvennaia_istoria/pervaya-mirovaya-vojna/periodizaciya-osnovnyx-sobytij.htm Мрагыларатәи афронт аҟны Франциа иҟанаҵаз аҳәара ала, Урыстәыла ақәылара иалагеит, усҟан анемеццәа ржәыларақәа ирыхҟьаны, афранцызцәа шьҭахьҟа ахьаҵра иаҿын. Мрагыларатәи Пруссиа аҵакырадгьыл иақәлаз, аинрал Ренненкампф актәи ирхәҭа Губиннен-Гольдаптәи аибашьра аан, аабатәи анемец архәҭа ԥыхха иагеит. Ара аиааира аанкылара рылымшеит: анемец архәҭақәа рҽеизганы аҩбатәи аурыс архәҭа, аинрал Самсонов напхгара зиҭоз, Мазуртәи аӡиасқәа рааигәа ирыжәлоит. Архәҭа иакәшаны иԥыхха иган. Самсонов иакәзар, иҽишьуеит. Актәи архәҭа анкьатәи аҭыԥ ахь, ашьҭахьҟа игьежьуеит. Арҭ ахҭысқәа арыцҳаратә лҵшәақәа шрыцызгьы, аурыс архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа ала ржәылара анемеццәа рпланқәа хнарбгалеит: дара Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә рырхәҭақәа рыхәҭак, аабатәи архәҭақәа рыцхыраара азы иианагар акәхеит, уи алагьы Марна аибашьра аан рымчқәа ԥсыҽхеит. Галициатәи аоперациа аан Лада-Мраҭашәаратәи афронт аҟны еибашьуаз австриаа ԥыхха иган. Иган – Львов, Галич уҳәа акыр ақалақьқәа. Варшаватәи акәацәра аҿы аибашьра аан хыԥхьаӡара рацәалатәи ажәыларақәа афронт даара иаԥсахит. Нанҳәамза 23 рзы Германиа аибашьра аланаҳәеит Иапониа.http://pervaya-mirovaya.ru/etapy-pervoy-mirovoy-voyny-kratko/ Абҵарамза 1 азы х-ганктәи ахеилак иадгыланы аибашьраз иқәгылеит Османтәи аимпериа. 1915 шықәса 1915 шықәсазтәи акомпаниа аан анемец командаҟаҵара иаӡбоит аплан аиҭакра: уи инақәыршәаны, анемец мчрақәа реиҳарак Мрагыларатәи афронт ахь идәықәҵан, Урыстәылатәи архәҭақәа ԥыхха иганы аибашьра алгара хықәкыс иҟаҵаны. Иара убри аамҭазы, аурыс архәҭақәа абџьари аџьаԥҳани рзымхара рныԥшуа иалагеит. Абри иахҟьаны анемец архәҭақәа ржәылара аан, аурысқәа ахьаҵра иалагеит – иааныжьын Польша, Галициа, Литва, Беларуссиеи Латвиеи рыхәҭақәак. Афронт шьақәгылеит Рига-Двинск-Барановичи-Пинск-Дубно-Тарнополь ацәаҳәаҟны. Аха, Урыстәылатәи архәҭақәа рыцҟьара азы ишьақәыргылаз анемеццәа рстратегиатә план хыбгалеит. Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра апозициатә ҟазшьа аанахәеит, ара ахархәара аҭан абџьархк ҿыц. Ипр азааигәара анемец арбџьармчқәа ржәылараан раԥхьаӡа акәны ахархәара аҭан ахимиатә бџьар – ахлор. Уинстон Черчилль иабжьгара ала еиҿкаан лҵшәа аазмышьҭыз Дарданеллтәи аоперациа, уи мҩаԥысуан жәабранмза 19, 1915 шықәса инаркны, ажьырныҳәамза 9, 1916 шықәсанӡа. Хықәкыс иамаз Константинополь анапахьы аагара, Ҭырқәтәыла аибашьра алҵра, насгьы Урыстәылаҟа амшынтә мҩа аартра акәын. Лаҵарамза 23 рзы Антанта аганахь ала аибашьра ахы аланагалоит Италиа. Жьҭаарамза 14 рзы Германиа иадгыланы аибашьра иалагоит Болгариа. Ицәырҵит Иԥшьбахаз ахеилак (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа, Османтәи аимпериа).https://nashahistory.ru/materials/pervaya-mirovaya-voyna-1915 1916 шықәса 1916 шықәсазтәи акомпаниа аан Германиа архәҭа хадақәа Мраҭашәаратәи афронт аҟны еизнагоит, уи хықәкыс иамаз аибашьра Франциа алгара акәын. Ақалақь Верден азааигәара еизган хыԥхьаӡара рацәала аруааи артиллериеи. Германиатәи архәҭақәа Вердентәи аоперациа иалагеит жәабранмза 21 рзы, амчқәа даара ишыӷәӷәазгьы, анемеццәа ара аԥыжәара рзымгеит. Аибашьра даара ишьаарҵәырахеит, краамҭагьы ицон. Аҩганкгьы ацәыӡ дуқәа роуит (миллионҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит). Жәамз ицоз ари аоперациа лҵшәадахеит. Аҭоурых аҟны ари ажәылара «Верденская мясорубка» ҳәа ахьӡ аманы иаанхеит.http://www.historicalreporter.ru/archive/the-first-world-war-1916/ Илҵшәадахеит аидгылаҩцәа ржәылара аӡиас Сомма аҟынгьы, абџьархк ҿыц, атанккәа, ахархәара шрырҭазгьы. Мрагыларатәи афронт аҟны акәзар, ароль ду нанагӡеит «Брусиловский прорыв» ҳәа ззырҳәо, уи аан аурыс архәҭақәа австриатәи анемец архәҭақәа ашәарҭара рзаԥырҵеит Австро-Венгриа аибашьра алҵразы. Германиеи Австро-Венгриеи рырхәҭақәа егьырҭ афронтқәа рҟынтә иианагар акәхеит, убри алагьы, афранцызцәа Верден аҵаҟеи, аиталианеццәа Триента аҵаҟеи рҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхеит. Антанта аганахьала, нанҳәамза 27 рзы, аибашьра зхы алазгалаз Румыниа акыр аҵахарақәа аман, уи иахҟьаны Урыстәыла егьырҭ афронтқәа рҟынтәи архәҭақәа ықәганы ацхыраара аҟаҵара иалагар акәхеит. Мрагыларатәи афронт даҽа 500 километра аура аиуит. Кавказтәи афронт аҟны акәзар, аурыс архәҭақәа 250 километра Османтәи аимпериа аҵакырадгьыл ахь анаскьара рылшеит, дара рнапахьы иааргеит ақалақьқәа Ерзурум, Трапезунд, Ерзинџьан. Амшын аҟны лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1-нӡа аҭыԥ аман зегьы реиҳа амҽхак змаз Адунеизегьтәи актәи аибашьра аҟны, амшынтә еибашьра – Иутландтәи. Британиатәи афлот ари аибашьра аҟны иацәыӡит 14 ӷба, быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа; германиатәи афлот акәзар – жәеиза ӷба, х-нызықьҩык рҟынӡа ауаа. Аха Британиа Ду амшын аҟны аҳра шамаз иаанхеит. 1917 шықәса 1917 шықәсазы Антанта атәылақәа рекономикатә ԥыжәара даара ианыԥшуа иалагеит, Агәҭатәи атәыла дуқәа ажәыларақәа ирылагеит. Иара убасгьы, мшаԥымза 6 азы Еиду Америкатәи Аштатқәа Антанта аганахь ала аибашьра иалагеит. Аидгылаҩцәа ржәыларақәа лҵшәадахеит. Урыстәыла акәзар, Жәабранмзатәи ареволиуциа ашьҭахь амонархиа хыбгалеит. Илҵшәадахаз аԥхынтәи ажәылара ашьҭахь аурыс архәҭақәа Рига аанрыжьыр акәхеит. Амчратә хҳәара ашьҭахь амчрахь инеиз абольшевикцәа аҭынчразы асепараттә еиҿцәажәарақәа ирылагеит. Формалла Урыстәыла аибашьра иалҵит. 1918 шықәса Урыстәылатәи ареволиуциа егьырҭ атәылақәа ргәалаҟазаара даара ианыԥшит. Аидгылаҩцәа инарҭбааз ажәыларатә операциақәа рымҩаԥгара рпланқәа рҟны иарбамызт, иахәҭаз америкатәи аконтингент аанӡа. Германиа акәзар, аҵыхәтәантәи ажәылара аҽазнакит, избанзар аекономикатә ресурсқәеи ауаа рзымхареи даара иӷәӷәан. Убри аан 60 немец дивизиа рҟынӡа Урыстәылаҟа аинтервенциа азы инашьҭын. Мраҭашәаратәи афронт аҟны анемеццәа ржәылара лҵшәа аанамышьҭит, аидгылаҩцәа ракәзар, аԥхынразы аконтржәыларахь ииасит. Германиа ҭагалан арра-економикатә мчкаԥсара иазнеит аҟнытә, жьҭаарамза 5 рзы, Германиа Вудро Вильсон иахь ааԥхьара ҟанаҵеит аинышәаразы. Цәыббрамза 29 рзы – Болгариа акапитулиациа ҟанаҵеит. Жьҭаарамза 30 рзы – Османтәи аимпериа. Абҵарамза 3 рзы – Австро-Венгриа. Абҵарамза 11 рзы – Компиентәи абнаҟны Германиеи аидгылаҩцәеи рыбжьара аинышәаразы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын.https://www.prlib.ru/collections/467020 Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа рыла ԥшь-империак рыҟазаара аанкылан – Урыстәылатәи, Германиатәи, Османтәи, Австро-Венгриатәи. Европа ахсаалаҿы ицәырҵит аҳәынҭқарра ҿыцқәа. Еибашьуаз аганқәа рахьтә арра инаԥхьаз 70 миллионҩык ауаа рахьтә жәа-миллионҩык рҟынӡа ҭахеит. Аҭынчуааԥсыра рыбжьара иҭахаз рхыԥхьаӡара 12 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Амлакреи аепидемиеи 20 миллионҩык рҟынӡа ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит. Азгәаҭақәа Акатегориа:Актәи адунеизегьтәи аибашьра
37763
https://ab.wikipedia.org/wiki/Де_Голль,_Шарль
Де Голль, Шарль
{{Акарточка аполитик}} '''Шарль Андре Жозеф Мари де Голль''' ({{lang-fr|Charles André Joseph Marie de Gaulle}}; {{date|22|11|1890}} — {{date|9|11|1970}}) – афранцыз ҳәынҭқарратә усзуҩы, аинрал. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан афранцызцәа Рҿагылара дасимволхоит. Ахәбатәи Ареспублика шьаҭазыркыз иакәны дыԥхьаӡоуп, насгьы актәи президентны. Ҩынтә иара атәыла ахадас дыҟан, уи аан илшеит Франциа аекономикеи жәларбжьаратәи апатуи рышьҭыхра. Уи иниҵит ԥшьынҩажәа шықәса, ари аамҭа иалагӡаны илшеит милаҭтә фырхаҵаны, Жанна Д'Арк лышьҭахь, аҟалара.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/2367066 |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2022-06-15 |archive-url=https://web.archive.org/web/20220615155033/https://bigenc.ru/world_history/text/2367066 |url-status=dead }}</ref> == Ахәыҷра шықәсқәа == Шарль диит абҵарамза 22, 1890 шықәсазы афранцыз қалақь Лилле. Ара дынхон ианду, иангьы еснагь ахшараиура аан уахь дцон. Шарль иман хҩык аишьцәеи аиаҳәшьеи. Шарль иира аамышьҭахь, иан лгәабзиара анышьақәгыла, лара лҭаацәа рахь, Парижҟа дгьежьуеит. Де Голльаа ибзианы инхон, акатолицизм азхарҵон, насгьы даара апатриотизм злаз ҭаацәаран. Шарль иаб, Анри де Голль, диит 1848 шықәсазы, даара иҟәышыз, аҵара змаз уаҩын. Иара апатриотизмра илааӡан, уи иабзоураны Анри Франциа иҳараку амиссиа агәра игон. Насгьы, апрофессор ичын иман, аиезуитцәа рышкол аҿы афилософиа, аҭоурых, алитература амаҭәарқәа дрыԥхьон. Арҭқәа зегьы, ҳәарада, Шарль анырра ӷәӷәа ирҭеит. Дхәыҷаахыс Шарль ашәҟәыԥхьара бзиа ибон. Иаб иакәзар, афранцыз ҭоурыхи акультуреи иирҵон. Ас еиԥш адыррақәа ахәыҷы даара инырит, уи иабзоурахеит итәыла амаҵ ауразы дышшоу аилкаара ахьиоузгьы.<ref>https://studwood.ru/978758/istoriya/detstvo_yunost_sharlya</ref> Шарль иан Жанна Маиогьы даара лыԥсадгьыл бзиа илбон, уи нцәахаҵарак илзаҩызан. Абас еиԥш апатриотизм рылааӡо ирызҳауан ахшара зегьы, ахәыҷқәа рыхәҩыкгьы рыԥсадгьыл абзиабара, алыхьынҵа, аԥеиԥш даара иаргәамҵуан. Шарль хәыҷы иакәзар, афранцыз фырхаҵа Жанна Д'Арк лыхьӡ аҳара мацара даргәаҭеиуан. Абра иҳәатәуп, де Голль иҭаацәа, ишиашоу акәымзаргьы, уи афранцыз ԥҳәыс ишлыдҳәалаз, дара ирызгәакьаз рҭынхак Д'Арк лныҟәара далахәын. Шарль даара ари афакт дазгәдуун, еснагь еиҭеиҳәон, уи иахҟьаны Черчилль Шарль –«аԥаҵа змоу Жанна Д'Арк» ҳәа хьыӡшьарас изиҭаз. Шарль даныхәыҷыз, акы иахҟьаны аҵәыуара даналагоз, иаб дизҵаауан - «Сыҷкәын, аинралцәа ҵәыуома?» – ҳәа. Ахәыҷгьы иаразнак аҵәыуара дааҟәыҵуан. Иара агәра игон аԥхьаҟа иԥсҭазаара ар ишырзикуаз, баша аруаҩны акәымкәа, деинралны дшыҟалоз.<ref>https://kratkoebio.ru/sharl-de-goll-kratkaya-biografiya/</ref> == Аколлеџь аҟны аҵара == Арратә ус ахь Шарль даара аинтерес ааирԥшуан, дхәыҷаахыс ихала ихы иааӡон, иаҳҳәозар, шифрла еиқәыршәаз абызшәа ӡбаны игәникылеит, уи аан ажәақәа зегьы шьҭахьтәи ԥхьаҟа даԥхьон. Иазгәаҭатәуп, афранцыз бызшәа аҟны ас еиԥш ацәажәара даара ишыуадаҩу, англыз, мамзаргьы аурыс бызшәақәа рҟны аасҭа. Шарль ари абызшәа иашьцәагьы иаҳәшьагьы идирҵеит. Урҭ иара напхгара риҭон, имҩақәиҵон.<ref>https://stories-of-success.ru/sharlya-de-gollya</ref> Шарль иҵатәқәа зегьы ҟаиҵаанӡа акрыфара ахаангьы дтәомызт. Иҵатәқәа руак ишахәҭоу еиԥш иҟаимҵар ахаатәы ифомызт. Де Голль жәеиза шықәса ихыҵуан иҭаацәа Парижтәи аиезуиттә коллеџь данҭарҵоз. Шарль аматематикатә хырхарҭа ала аҵара ахьырҵоз акласс дақәшәоит, дагьалгоит 1908 шықәсазы. Данқәыԥшӡаз ауп Шарль ахьӡ-аԥша аиуразы агәазыҳәарақәа анизцәырҵыз. Иаҳҳәозар, ажәеинраалақәа рыԥхьаразы аицлабра аҟны аиааира анига, идыргалеит аԥаратә ҳамҭа, мамзаргьы иусумҭа акьыԥхьра алихырц, иара аҩбатәи алихуеит.<ref>http://www.coldwar.ru/gaulle/de_gaulle.php</ref> == Арратә маҵзура == Collège Stanislas захьӡыз Парижтәи аколлеџь аҟны де Голль аҵара бзиаӡаны иахьиҵоз иабзоураны алшара иоуеит 1909 шықәсазы Сен-Сиртәи ашкол аҿы аҵаразы. Ирҳәоит убасгьы, де Голль ашәҟәыҩҩы, мамзаргьы аҭоурыхдырҩы икариера ҟаиҵарц шилшозгьы, аха иалихуеит даҽа мҩак, иаб игәы дақәшәарц азы. Аамҭак анаҩс де Голль «Арратә мемуарқәа» рҟны иҩуан: «Арра ацара – ари снысмҩа аҟны зегьы иреиҳау хҭыс дуун» – ҳәа. Арԥыс арра дахысуан 33-тәи ашьаҟауаатә афранцыз архәҭақәа рполк аҟны – ари архәҭа аиҟәша Бородино, Аустерлиц рыҵаҟа Ваграмтәи аибашьра иалахәын. Аполк командаҟаҵаҩыс дыҟан Филипп Петен, уи аԥхьаҟатәи 15 шықәса де Голль мҩақәҵаҩыс диоуеит.<ref>https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html</ref> Август 1914 шықәсазы Францианӡа иааӡоит Актәи адунеизегьтәи аибашьра. 33-тәи аполк бельгиатәи ақалақь Динан ашҟа ԥшыхәра ҳәа идәықәырҵоит. Хымш ааҵхьаны, анемеццәеи аполки реидыслара аан де Голль ишьамхы ахы ақәшәоит. Аҩынтә раан иарма напы рхәуеит. (Аинтерес зҵоу афакт: де Голль инапы иаиуз ахәра иахҟьаны ишьа ҟьашьуеит, инапгьы имыхәо иҟалеит азы, иарӷьа напы аҿы акәын аҭаацәара дшалоу зырҵабыргуаз амацәаз ахьныҟәигоз). Ахԥатәи ахәра аниоу де Голль анемеццәа шасыс игара рылшоит, уи уа дрыман 32 мзы. Хәынтә абналара иҽазишәеит, аха иалымҵит, иара хьаас имаз аибашьра дахьалахәымыз ауп. Аибашьра аилгара аан иара шасыс дыҟан, иҩныҟа дгьежьуеит 1918 шықәса ԥхынҷкәынмза аказы. Актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь де Голль польшатәи аршьаҟауаа аинструктаж иахижьуан, Урыстәылеи дареи реибашьра аан, 1919–1921-тәи ашықәсқәа рзы, атактика азы алекциақәа дрыԥхьон, арратә усумҭақәа аԥиҵон. 1927 шықәсазы де Голль афранцыз архәҭақәа азеижәтәи аршьаҟауаатә баталион акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵоит. Шарль игәаанагара ала, аиааира агаразы иаҭаху акәылӡтәы техникеи, иаарласны имҩаԥгоу аманиоврқәеи роуп. 1934 шықәсазы де Голль иҭижьуеит «Ар рахь ааԥхьара» («Vers l'Armée de Métier») захьӡыз аусумҭа, уа ажәадгала ҟаиҵеит аршьаҟауаа рмеханизациа ареформа аҟаҵаразы. Де Голль ишьақәирӷәӷәон иара ишилшо 100.000-ҩык аршьаҟауааи 3.000 цыра акәылӡтәы техникеи рыла аибашьра аиааира. Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра алагамҭазы иара 80 цыра иласыз атанкқәа командаҟаҵаҩыс дрырҭоит, урҭ «пылинка» ҳәа ирышьҭан.<ref>{{Cite web |url=http://history-doc.ru/sharl-de-goll/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2021-09-16 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210916222416/http://history-doc.ru/sharl-de-goll/ |url-status=dead }}</ref> Де Голль иеицырдырра аамҭа ҟалеит 1940-тәи ашықәс азы. Лаҵарамза 10 рзы Германиа Европа еибашьрыла иақәлоит, лаҵарамза 15 рзы агерман архәҭақәа Седан инеит. Шарль ирхәҭа ара аамҭа маҷк иагар акәын. Лаҵарамза 17 рзы акомандир ицәыӡит имаз 80 танк рахьтә 23, аха мышкы ааҵхьан иоуит 150 цыра атехника. Де Голль имҩаԥигоз аибашьра ӷәӷәа иабзоураны анемеццәа ахьаҵра рықәнаршәеит Комонаҟа. Лаҵарамза 23 рзы де Голль игәымшәаразы «Аинрал» ҳәа хьыӡшьарас ирҭоит. Афранцыз еиҳабыра аибашьра рҭахымызт. Уинстон Черчелли дареи, Британиа ду аԥыза-министри, ареспублика амчрақәеи Германиеи дареи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара иашьҭалоит. Аӷа анапы имҵакра зҭахымыз де Голль рашәарамза 18, 1940 шықәса рзы британиатәи арадио ала ааԥхьара ҟаиҵеит, франциа ауаажәларра рахь, аҵысра «Сопротивление» аԥҵаразы. Рашәарамза 22 – Франциеи Германиеи аинышәаразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.<ref>https://diletant.media/articles/26536223/</ref> == Аполитикатә усура == Франциа ишьақәыргылан арежим Виши, даҽакала иуҳәозар, ари атәыла аоккупациа азун. Уинстон Черчилль еиликаауан, де Голль иеиԥшыз аӡәы шиакәыз изылшоз ари амацәаз аԥҵәара. Рашәарамза 24 рзы Британиа Ду аԥыза-министр де Голль «зых иақәиҭу афранцызцәа зегьы дырхаданы» дҟаиҵоит, адҵагьы ҟаиҵоит де Голль Франциаҟа инеиразы ишәарҭадара хылаԥшра арҭарц. Шықәсык ааҵхьаны, рашәарамза 22, 1941 шықәсазы, де Голль СССР агенералиссимус Иосиф Сталин иҟны аимадара шьақәиргылеит. Аҵыхәтәантәи афранцыз «ажәҩан» аҟынтә адгылара ииҭоит: де Голли Сталини рхеилак иалҵшәахеит илегендартәу аескадрилиа «Нормандиа – Неман» аԥҵара. Арҭ аҳаирпланқәа даара ароль ду нарыгӡеит Гитлер икоалициа иаҿагыланы ақәԥараҿы. 1944 шықәсазы де Голль зых иақәиҭтәыз Париж иԥылон фырхаҵак иаҳасаб ала: иара идрыԥхьаӡалон Франциа аоккупациа аҟынтә ахақәиҭтәра. Иара убри ашықәс нанҳәамзазы Шарль де Голль Аамҭалатәи аиҳабыра дахагылоит.<ref>https://histrf.ru/biblioteka/b/kratkii-kurs-istorii-simvol-frantsuzskogho-soprotivlieniia</ref> Аибашьра ааха знаҭаз атәыла иаҭахын аҳәынҭқарратә система аҟны аиҭашьақәыргылара. Ари ауадаҩра аҿаԥхьа де Голль илшарақәа ԥкхеит: ажьырныҳәамза 20, 1945 шықәсазы уи Аамҭалатәи аиҳабыра ахантәаҩы иҭыԥ аанижьуеит, анапхгараҭара аформа акәшамыкәша ицәырҵыз аимак иахҟьаны – де Голль иҭахын Франциа азинмчы змоу ахадас аҟалара, аха аполитикцәа реиҳараҩык апарламент аиҳабыра хылаԥшра рырҭаларазы иқәгылон. Шарль Аԥшьбатәи ареспублика (Франциа 1946–1958-тәи ашықәсқәа рзы) аибашьра рылеиҳәеит, иара ида даҽаӡәы аҳәынҭқарра анапхгараҭаразы ихы ақәыргылара азин шимам атәы иҳәон. Аполитикатә елита изыҳәарақәа рмаҳаит аҟынтә, де Голль хәышықәса ҳәа Коломбо-ле-Диоз-Еглизҟа нхара дцоит, уи франциатәи колониан. Абра аинрал иҩуеит еицырдыруа, х-томкны иҟоу «Арратә мемуарқәа»: «Ааԥхьара», «Аидгылара», «Аиқәырхара». Де Голль аибашьразы игәҭахәыцрақәа аарԥшуп иара аҳәынҭқарра ахадас дыҟазшәа арбаны, уи иҳәон Франциа иара инапы ишанҵатәу, ус ианыҟала, Франциа аҿиара бзиа шаиуа, ус анакәымха «аԥсра иаҩызоу, хырԥашьа змам ашәарҭара бааԥсы ишҭагыло».<ref>http://www.mukhin.ru/gaulle.html</ref> Де Голль иҩныҵҟатәи акризис Франциатәи акризис иақәҿнаҭуан. Алжиртәи аибашьра, аӷарра, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара, ареспублика аҵыхәтәа аазгоз ахықә инхықәнаргылеит, аҵыхәтәангьы аиҳабыра де Голль иахь ааԥхьара ҟарҵоит «имцәажәара еилеигарц», насгьы «ауаажәларратә гәрагара аҳәынҭқарра» аԥиҵарц. Аполитик арадио ала дықәгылоит ауаа агәра дырго «иара ареспублика азинмчра зегьы ихахьы шиго» азгәаҭо. Рашәарамза 1, 1958 шықәсазы де Голль Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩыс дшыҟаҵаз рылаҳәан. Уажәазы Франциа анапхгара зегьы де Голль иҟаиҵоз абжьгарақәеи ажәалагалақәеи аҳәынҭқарра аргылара иазырхаз зегьы рыдыркылеит. Иара ақәҵара ҟаиҵеит, атәыла анапхгараҭара зегьы аҳәынҭқарра ахада инапаҵаҟа иҟазарц азы, Франциа иахьагьы ус иҟоуп. Ихадоу аҳәынҭқарратә документ рыдыркылеит 1958 шықәсазы, усҟан иаԥҵан Ахәбатәи ареспублика, де Голль напхгара зиҭоз.<ref>https://smotrim.ru/video/1483140</ref> Де Голль инапхгараҭара ззырхаз адәныҟатәи аполитика акәын. 1960 шықәсазы иара Виетнами Камбоџьиеи ахақәиҭра риҭоит, 1962 шықәсазы – Алжири жәабала африкатәи аҳәынҭқаррақәеи. Арҭ атәылақәа рҟны инхон Франциа бзиа избоз атәылауаа, урҭ рылагьы де Голль адунеитә арена аҟны адгылара ихы иеиҭон. 1965 шықәсазы Франциа НАТО иалалоит, насгьы жәларбжьаратәи ахәаахәҭра аҿы адоллар ахархәара иаҟәыҵуеит. Атәылазы валиутатә дипломатиахеит ахьтәы стандарт. Аиҭакрақәа аҭыԥ роуит Ахәбатәи ареспублика аҩныҵҟатәи аполитикаҿы. Де Голль дықәгылон иуникалтәу аиадертә бџьар аԥҵаразы, уи амазаара иаанагон дунеи аҟны тәыла дуны аҟалара. Ишәарҭаз амаҭәашьар агәаҭара аанкылан 1981 шықәсазы, Франсуа Миттеран амчрахь даннеи ашьҭахь.<ref>https://www.krugosvet.ru/enc/istoriya/DE_GOLL_SHARL.html</ref> 1965 шықәсазы ахыркәшарахь инеиуан де Голь быжьшықәсатәи инапхгараҭара. Зымч-зылша агәра згоз аполитик алхрақәа ишиашоу рымҩаԥгара алеигалоит, даҽакала иуҳәозар, ажәлар рыбжьаҭара. Ас еиԥш алагалара даара ишәарҭан, алхрақәа рылҵшәақәа рыла де Голль иоуеит 54%, Миттеран – 45% абжьқәа, аҵыхәтәантәи иакәзар, Ахәбатәи ареспублика акритика ӷәӷәа азиуан. Де Голль ихьӡ ланарҟәит канажьит бџьарла аиқәыршәара азҵаара, уи ауааԥсыра азхьуамызт, ирҭахымызт, иара убасгьы ауаа иргәаԥхомызт анхамҩақәа раԥыхра, ателехәаԥшреи арадио рҟны амонополиа ашьақәыргылара. Аполитик «зхы ықәҟьаз адиктатор» ҳәа изырҳәо иалагеит. Изныкымкәангьы де Голль иқәлахьан, уи иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргылан 32- нтә. Лаҵарамза 2, 1968 шықәсазы астудентцәа апрезидент ԥхьатәара дцаразы дҵаны иқәдыргылоит. Амилаҭҭтә бунт аҭыԥ аиуит, жәа-миллионҩык ауаа аиҳабыра ирҿагыланы амҩақәа рахь ицәырҵит. Атәыла аграждантә еибашьра аҟынтә ахьчаразы апрезидент иҟаиҵаз ажәалагалақәа ауаа зынӡагьы ирыдрымкылеит.<ref>https://histrf.ru/biblioteka/b/kratkii-kurs-istorii-simvol-frantsuzskogho-soprotivlieniia</ref> == Ахатәы ԥсҭазаара == 1921 шықәсазы де Голль ԥҳәысс дигоит Ивонна Вандру, урҭ рыԥсҭазаара зегьы еицынхон. Дара ирыхшеит аԥа – Филипп, аԥҳацәа – Елизабети Аннеи.<ref>https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html</ref> == Ԥхьатәара ацареи аԥсреи == Де Голль асенат аекономика-социалтә усбарҭаны аиҭарҿиаразы ареферендум аҟны иқәиргылаз ажәалагала иадымгылеит, убри аҟынтә мшаԥымза 28, 1969 шықәсазы, ареферендум алҵшәақәа аныҟала иара ԥхьатәара дцоит. Абҵарамза 9, 1970 шықәсазы, ԥшьынҩажәа шықәса ихыҵра мызк шагыз Шарль де Голль иԥсҭазаара далҵуеит.<ref>{{Cite web |url=https://3banana.ru/sharl-de-goll-biografiya-filmy-foto-lichnaya-zhizn-poslednie-novosti-2019/#i-15 |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2024-01-30 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240130101044/https://3banana.ru/sharl-de-goll-biografiya-filmy-foto-lichnaya-zhizn-poslednie-novosti-2019/#i-15 |url-status=dead }}</ref> ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Абҵарамза 22 рзы ииз]] [[Акатегориа:1890 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 9 рзы иԥсыз]] [[Акатегориа:1970 шықәсазы иԥсыз]]
Шарль Андре Жозеф Мари де Голль (; — ) – афранцыз ҳәынҭқарратә усзуҩы, аинрал. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан афранцызцәа Рҿагылара дасимволхоит. Ахәбатәи Ареспублика шьаҭазыркыз иакәны дыԥхьаӡоуп, насгьы актәи президентны. Ҩынтә иара атәыла ахадас дыҟан, уи аан илшеит Франциа аекономикеи жәларбжьаратәи апатуи рышьҭыхра. Уи иниҵит ԥшьынҩажәа шықәса, ари аамҭа иалагӡаны илшеит милаҭтә фырхаҵаны, Жанна Д'Арк лышьҭахь, аҟалара. Ахәыҷра шықәсқәа Шарль диит абҵарамза 22, 1890 шықәсазы афранцыз қалақь Лилле. Ара дынхон ианду, иангьы еснагь ахшараиура аан уахь дцон. Шарль иман хҩык аишьцәеи аиаҳәшьеи. Шарль иира аамышьҭахь, иан лгәабзиара анышьақәгыла, лара лҭаацәа рахь, Парижҟа дгьежьуеит. Де Голльаа ибзианы инхон, акатолицизм азхарҵон, насгьы даара апатриотизм злаз ҭаацәаран. Шарль иаб, Анри де Голль, диит 1848 шықәсазы, даара иҟәышыз, аҵара змаз уаҩын. Иара апатриотизмра илааӡан, уи иабзоураны Анри Франциа иҳараку амиссиа агәра игон. Насгьы, апрофессор ичын иман, аиезуитцәа рышкол аҿы афилософиа, аҭоурых, алитература амаҭәарқәа дрыԥхьон. Арҭқәа зегьы, ҳәарада, Шарль анырра ӷәӷәа ирҭеит. Дхәыҷаахыс Шарль ашәҟәыԥхьара бзиа ибон. Иаб иакәзар, афранцыз ҭоурыхи акультуреи иирҵон. Ас еиԥш адыррақәа ахәыҷы даара инырит, уи иабзоурахеит итәыла амаҵ ауразы дышшоу аилкаара ахьиоузгьы.https://studwood.ru/978758/istoriya/detstvo_yunost_sharlya Шарль иан Жанна Маиогьы даара лыԥсадгьыл бзиа илбон, уи нцәахаҵарак илзаҩызан. Абас еиԥш апатриотизм рылааӡо ирызҳауан ахшара зегьы, ахәыҷқәа рыхәҩыкгьы рыԥсадгьыл абзиабара, алыхьынҵа, аԥеиԥш даара иаргәамҵуан. Шарль хәыҷы иакәзар, афранцыз фырхаҵа Жанна Д'Арк лыхьӡ аҳара мацара даргәаҭеиуан. Абра иҳәатәуп, де Голль иҭаацәа, ишиашоу акәымзаргьы, уи афранцыз ԥҳәыс ишлыдҳәалаз, дара ирызгәакьаз рҭынхак Д'Арк лныҟәара далахәын. Шарль даара ари афакт дазгәдуун, еснагь еиҭеиҳәон, уи иахҟьаны Черчилль Шарль –«аԥаҵа змоу Жанна Д'Арк» ҳәа хьыӡшьарас изиҭаз. Шарль даныхәыҷыз, акы иахҟьаны аҵәыуара даналагоз, иаб дизҵаауан - «Сыҷкәын, аинралцәа ҵәыуома?» – ҳәа. Ахәыҷгьы иаразнак аҵәыуара дааҟәыҵуан. Иара агәра игон аԥхьаҟа иԥсҭазаара ар ишырзикуаз, баша аруаҩны акәымкәа, деинралны дшыҟалоз.https://kratkoebio.ru/sharl-de-goll-kratkaya-biografiya/ Аколлеџь аҟны аҵара Арратә ус ахь Шарль даара аинтерес ааирԥшуан, дхәыҷаахыс ихала ихы иааӡон, иаҳҳәозар, шифрла еиқәыршәаз абызшәа ӡбаны игәникылеит, уи аан ажәақәа зегьы шьҭахьтәи ԥхьаҟа даԥхьон. Иазгәаҭатәуп, афранцыз бызшәа аҟны ас еиԥш ацәажәара даара ишыуадаҩу, англыз, мамзаргьы аурыс бызшәақәа рҟны аасҭа. Шарль ари абызшәа иашьцәагьы иаҳәшьагьы идирҵеит. Урҭ иара напхгара риҭон, имҩақәиҵон.https://stories-of-success.ru/sharlya-de-gollya Шарль иҵатәқәа зегьы ҟаиҵаанӡа акрыфара ахаангьы дтәомызт. Иҵатәқәа руак ишахәҭоу еиԥш иҟаимҵар ахаатәы ифомызт. Де Голль жәеиза шықәса ихыҵуан иҭаацәа Парижтәи аиезуиттә коллеџь данҭарҵоз. Шарль аматематикатә хырхарҭа ала аҵара ахьырҵоз акласс дақәшәоит, дагьалгоит 1908 шықәсазы. Данқәыԥшӡаз ауп Шарль ахьӡ-аԥша аиуразы агәазыҳәарақәа анизцәырҵыз. Иаҳҳәозар, ажәеинраалақәа рыԥхьаразы аицлабра аҟны аиааира анига, идыргалеит аԥаратә ҳамҭа, мамзаргьы иусумҭа акьыԥхьра алихырц, иара аҩбатәи алихуеит.http://www.coldwar.ru/gaulle/de_gaulle.php Арратә маҵзура Collège Stanislas захьӡыз Парижтәи аколлеџь аҟны де Голль аҵара бзиаӡаны иахьиҵоз иабзоураны алшара иоуеит 1909 шықәсазы Сен-Сиртәи ашкол аҿы аҵаразы. Ирҳәоит убасгьы, де Голль ашәҟәыҩҩы, мамзаргьы аҭоурыхдырҩы икариера ҟаиҵарц шилшозгьы, аха иалихуеит даҽа мҩак, иаб игәы дақәшәарц азы. Аамҭак анаҩс де Голль «Арратә мемуарқәа» рҟны иҩуан: «Арра ацара – ари снысмҩа аҟны зегьы иреиҳау хҭыс дуун» – ҳәа. Арԥыс арра дахысуан 33-тәи ашьаҟауаатә афранцыз архәҭақәа рполк аҟны – ари архәҭа аиҟәша Бородино, Аустерлиц рыҵаҟа Ваграмтәи аибашьра иалахәын. Аполк командаҟаҵаҩыс дыҟан Филипп Петен, уи аԥхьаҟатәи 15 шықәса де Голль мҩақәҵаҩыс диоуеит.https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html Август 1914 шықәсазы Францианӡа иааӡоит Актәи адунеизегьтәи аибашьра. 33-тәи аполк бельгиатәи ақалақь Динан ашҟа ԥшыхәра ҳәа идәықәырҵоит. Хымш ааҵхьаны, анемеццәеи аполки реидыслара аан де Голль ишьамхы ахы ақәшәоит. Аҩынтә раан иарма напы рхәуеит. (Аинтерес зҵоу афакт: де Голль инапы иаиуз ахәра иахҟьаны ишьа ҟьашьуеит, инапгьы имыхәо иҟалеит азы, иарӷьа напы аҿы акәын аҭаацәара дшалоу зырҵабыргуаз амацәаз ахьныҟәигоз). Ахԥатәи ахәра аниоу де Голль анемеццәа шасыс игара рылшоит, уи уа дрыман 32 мзы. Хәынтә абналара иҽазишәеит, аха иалымҵит, иара хьаас имаз аибашьра дахьалахәымыз ауп. Аибашьра аилгара аан иара шасыс дыҟан, иҩныҟа дгьежьуеит 1918 шықәса ԥхынҷкәынмза аказы. Актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь де Голль польшатәи аршьаҟауаа аинструктаж иахижьуан, Урыстәылеи дареи реибашьра аан, 1919–1921-тәи ашықәсқәа рзы, атактика азы алекциақәа дрыԥхьон, арратә усумҭақәа аԥиҵон. 1927 шықәсазы де Голль афранцыз архәҭақәа азеижәтәи аршьаҟауаатә баталион акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵоит. Шарль игәаанагара ала, аиааира агаразы иаҭаху акәылӡтәы техникеи, иаарласны имҩаԥгоу аманиоврқәеи роуп. 1934 шықәсазы де Голль иҭижьуеит «Ар рахь ааԥхьара» («Vers l'Armée de Métier») захьӡыз аусумҭа, уа ажәадгала ҟаиҵеит аршьаҟауаа рмеханизациа ареформа аҟаҵаразы. Де Голль ишьақәирӷәӷәон иара ишилшо 100.000-ҩык аршьаҟауааи 3.000 цыра акәылӡтәы техникеи рыла аибашьра аиааира. Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра алагамҭазы иара 80 цыра иласыз атанкқәа командаҟаҵаҩыс дрырҭоит, урҭ «пылинка» ҳәа ирышьҭан. Де Голль иеицырдырра аамҭа ҟалеит 1940-тәи ашықәс азы. Лаҵарамза 10 рзы Германиа Европа еибашьрыла иақәлоит, лаҵарамза 15 рзы агерман архәҭақәа Седан инеит. Шарль ирхәҭа ара аамҭа маҷк иагар акәын. Лаҵарамза 17 рзы акомандир ицәыӡит имаз 80 танк рахьтә 23, аха мышкы ааҵхьан иоуит 150 цыра атехника. Де Голль имҩаԥигоз аибашьра ӷәӷәа иабзоураны анемеццәа ахьаҵра рықәнаршәеит Комонаҟа. Лаҵарамза 23 рзы де Голль игәымшәаразы «Аинрал» ҳәа хьыӡшьарас ирҭоит. Афранцыз еиҳабыра аибашьра рҭахымызт. Уинстон Черчелли дареи, Британиа ду аԥыза-министри, ареспублика амчрақәеи Германиеи дареи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара иашьҭалоит. Аӷа анапы имҵакра зҭахымыз де Голль рашәарамза 18, 1940 шықәса рзы британиатәи арадио ала ааԥхьара ҟаиҵеит, франциа ауаажәларра рахь, аҵысра «Сопротивление» аԥҵаразы. Рашәарамза 22 – Франциеи Германиеи аинышәаразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.https://diletant.media/articles/26536223/ Аполитикатә усура Франциа ишьақәыргылан арежим Виши, даҽакала иуҳәозар, ари атәыла аоккупациа азун. Уинстон Черчилль еиликаауан, де Голль иеиԥшыз аӡәы шиакәыз изылшоз ари амацәаз аԥҵәара. Рашәарамза 24 рзы Британиа Ду аԥыза-министр де Голль «зых иақәиҭу афранцызцәа зегьы дырхаданы» дҟаиҵоит, адҵагьы ҟаиҵоит де Голль Франциаҟа инеиразы ишәарҭадара хылаԥшра арҭарц. Шықәсык ааҵхьаны, рашәарамза 22, 1941 шықәсазы, де Голль СССР агенералиссимус Иосиф Сталин иҟны аимадара шьақәиргылеит. Аҵыхәтәантәи афранцыз «ажәҩан» аҟынтә адгылара ииҭоит: де Голли Сталини рхеилак иалҵшәахеит илегендартәу аескадрилиа «Нормандиа – Неман» аԥҵара. Арҭ аҳаирпланқәа даара ароль ду нарыгӡеит Гитлер икоалициа иаҿагыланы ақәԥараҿы. 1944 шықәсазы де Голль зых иақәиҭтәыз Париж иԥылон фырхаҵак иаҳасаб ала: иара идрыԥхьаӡалон Франциа аоккупациа аҟынтә ахақәиҭтәра. Иара убри ашықәс нанҳәамзазы Шарль де Голль Аамҭалатәи аиҳабыра дахагылоит.https://histrf.ru/biblioteka/b/kratkii-kurs-istorii-simvol-frantsuzskogho-soprotivlieniia Аибашьра ааха знаҭаз атәыла иаҭахын аҳәынҭқарратә система аҟны аиҭашьақәыргылара. Ари ауадаҩра аҿаԥхьа де Голль илшарақәа ԥкхеит: ажьырныҳәамза 20, 1945 шықәсазы уи Аамҭалатәи аиҳабыра ахантәаҩы иҭыԥ аанижьуеит, анапхгараҭара аформа акәшамыкәша ицәырҵыз аимак иахҟьаны – де Голль иҭахын Франциа азинмчы змоу ахадас аҟалара, аха аполитикцәа реиҳараҩык апарламент аиҳабыра хылаԥшра рырҭаларазы иқәгылон. Шарль Аԥшьбатәи ареспублика (Франциа 1946–1958-тәи ашықәсқәа рзы) аибашьра рылеиҳәеит, иара ида даҽаӡәы аҳәынҭқарра анапхгараҭаразы ихы ақәыргылара азин шимам атәы иҳәон. Аполитикатә елита изыҳәарақәа рмаҳаит аҟынтә, де Голль хәышықәса ҳәа Коломбо-ле-Диоз-Еглизҟа нхара дцоит, уи франциатәи колониан. Абра аинрал иҩуеит еицырдыруа, х-томкны иҟоу «Арратә мемуарқәа»: «Ааԥхьара», «Аидгылара», «Аиқәырхара». Де Голль аибашьразы игәҭахәыцрақәа аарԥшуп иара аҳәынҭқарра ахадас дыҟазшәа арбаны, уи иҳәон Франциа иара инапы ишанҵатәу, ус ианыҟала, Франциа аҿиара бзиа шаиуа, ус анакәымха «аԥсра иаҩызоу, хырԥашьа змам ашәарҭара бааԥсы ишҭагыло».http://www.mukhin.ru/gaulle.html Де Голль иҩныҵҟатәи акризис Франциатәи акризис иақәҿнаҭуан. Алжиртәи аибашьра, аӷарра, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара, ареспублика аҵыхәтәа аазгоз ахықә инхықәнаргылеит, аҵыхәтәангьы аиҳабыра де Голль иахь ааԥхьара ҟарҵоит «имцәажәара еилеигарц», насгьы «ауаажәларратә гәрагара аҳәынҭқарра» аԥиҵарц. Аполитик арадио ала дықәгылоит ауаа агәра дырго «иара ареспублика азинмчра зегьы ихахьы шиго» азгәаҭо. Рашәарамза 1, 1958 шықәсазы де Голль Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩыс дшыҟаҵаз рылаҳәан. Уажәазы Франциа анапхгара зегьы де Голль иҟаиҵоз абжьгарақәеи ажәалагалақәеи аҳәынҭқарра аргылара иазырхаз зегьы рыдыркылеит. Иара ақәҵара ҟаиҵеит, атәыла анапхгараҭара зегьы аҳәынҭқарра ахада инапаҵаҟа иҟазарц азы, Франциа иахьагьы ус иҟоуп. Ихадоу аҳәынҭқарратә документ рыдыркылеит 1958 шықәсазы, усҟан иаԥҵан Ахәбатәи ареспублика, де Голль напхгара зиҭоз.https://smotrim.ru/video/1483140 Де Голль инапхгараҭара ззырхаз адәныҟатәи аполитика акәын. 1960 шықәсазы иара Виетнами Камбоџьиеи ахақәиҭра риҭоит, 1962 шықәсазы – Алжири жәабала африкатәи аҳәынҭқаррақәеи. Арҭ атәылақәа рҟны инхон Франциа бзиа избоз атәылауаа, урҭ рылагьы де Голль адунеитә арена аҟны адгылара ихы иеиҭон. 1965 шықәсазы Франциа НАТО иалалоит, насгьы жәларбжьаратәи ахәаахәҭра аҿы адоллар ахархәара иаҟәыҵуеит. Атәылазы валиутатә дипломатиахеит ахьтәы стандарт. Аиҭакрақәа аҭыԥ роуит Ахәбатәи ареспублика аҩныҵҟатәи аполитикаҿы. Де Голль дықәгылон иуникалтәу аиадертә бџьар аԥҵаразы, уи амазаара иаанагон дунеи аҟны тәыла дуны аҟалара. Ишәарҭаз амаҭәашьар агәаҭара аанкылан 1981 шықәсазы, Франсуа Миттеран амчрахь даннеи ашьҭахь.https://www.krugosvet.ru/enc/istoriya/DE_GOLL_SHARL.html 1965 шықәсазы ахыркәшарахь инеиуан де Голь быжьшықәсатәи инапхгараҭара. Зымч-зылша агәра згоз аполитик алхрақәа ишиашоу рымҩаԥгара алеигалоит, даҽакала иуҳәозар, ажәлар рыбжьаҭара. Ас еиԥш алагалара даара ишәарҭан, алхрақәа рылҵшәақәа рыла де Голль иоуеит 54%, Миттеран – 45% абжьқәа, аҵыхәтәантәи иакәзар, Ахәбатәи ареспублика акритика ӷәӷәа азиуан. Де Голль ихьӡ ланарҟәит канажьит бџьарла аиқәыршәара азҵаара, уи ауааԥсыра азхьуамызт, ирҭахымызт, иара убасгьы ауаа иргәаԥхомызт анхамҩақәа раԥыхра, ателехәаԥшреи арадио рҟны амонополиа ашьақәыргылара. Аполитик «зхы ықәҟьаз адиктатор» ҳәа изырҳәо иалагеит. Изныкымкәангьы де Голль иқәлахьан, уи иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргылан 32- нтә. Лаҵарамза 2, 1968 шықәсазы астудентцәа апрезидент ԥхьатәара дцаразы дҵаны иқәдыргылоит. Амилаҭҭтә бунт аҭыԥ аиуит, жәа-миллионҩык ауаа аиҳабыра ирҿагыланы амҩақәа рахь ицәырҵит. Атәыла аграждантә еибашьра аҟынтә ахьчаразы апрезидент иҟаиҵаз ажәалагалақәа ауаа зынӡагьы ирыдрымкылеит.https://histrf.ru/biblioteka/b/kratkii-kurs-istorii-simvol-frantsuzskogho-soprotivlieniia Ахатәы ԥсҭазаара 1921 шықәсазы де Голль ԥҳәысс дигоит Ивонна Вандру, урҭ рыԥсҭазаара зегьы еицынхон. Дара ирыхшеит аԥа – Филипп, аԥҳацәа – Елизабети Аннеи.https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html Ԥхьатәара ацареи аԥсреи Де Голль асенат аекономика-социалтә усбарҭаны аиҭарҿиаразы ареферендум аҟны иқәиргылаз ажәалагала иадымгылеит, убри аҟынтә мшаԥымза 28, 1969 шықәсазы, ареферендум алҵшәақәа аныҟала иара ԥхьатәара дцоит. Абҵарамза 9, 1970 шықәсазы, ԥшьынҩажәа шықәса ихыҵра мызк шагыз Шарль де Голль иԥсҭазаара далҵуеит. Азгәаҭақәа Акатегориа:Абҵарамза 22 рзы ииз Акатегориа:1890 шықәсазы ииз Акатегориа:Абҵарамза 9 рзы иԥсыз Акатегориа:1970 шықәсазы иԥсыз
37862
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аишьцәа_Стругацкиаа
Аишьцәа Стругацкиаа
'''[[Стругацки, Аркади Натан-иԥа|Аркади Натан-иԥа]]''' ({{date|28|8|1925}}, [[Баҭым]] — {{date|12|10|1991}}, [[Москва]]),  '''[[Стругацки, Борис Натан-иԥа|Борис Натан-иԥа]]''' ({{date|15|4|1933}}, [[Ленинград]] —  {{date|19|11|2012}}, [[Санкт-Петербург]])  Аишьцәа '''[[Стругацкиаа]]''' — аурыс советтә шәҟәыҩҩцәа, асценаристцәа, асоветтә аамҭазы зеиӷьыҟамыз, СССР анхыбгала ашьҭахьгьы акыр ирылаҵәаны иҟаз аҭҵаарадырреи асоциалтә фантастикеи ирызку арҿиамҭақәа иравторцәоуп. 1950-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжазы арратә еиҭагаҩ А. Н. Стругацки, ажурналист Л. Петрови, иара убас ашәҟәыҩҩы, аԥшыхәҩы Р. Кими ицырхырааны, икьыԥхьит адокументалтә повест «Бикини аццышә», уи ашьҭахь иаарласны редакторс аусура далагеит «Аҳәынҭлитҭыжьымҭа» аҿы. Пулковтәи аобсерваториаҿы аус зуаз Б. Н. Стругацкигьы иара убасҵәҟьа алитератураҟны ахцәыргара дашьҭан (амбициақәа иман); ишырҳәо ала, аишьцәа аицавторцәас аусуеицура хацдыркит еисаны. 1957-1959 шықәсқәа рзы Аркадии Бориси Стругацкиаа иаԥырҵеит аповест «Аҟаԥшьеиқәара ԥсҭҳәақәа ртәыла», иара убас акритикцәа иаразнак ала еицгәарҭаз акык-ҩбак ажәабжьқәагьы. 1964 шықәса инаркны Стругацкиаа СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ирыдыркылеит. Шықәсарацәалатәи ахԥышәарақәа рышьҭахь иаԥырҵеит еидтәаланы аидеиақәа рылацәажәара адагьы, фразацыԥхьаӡа ҿырҳәала аҳәара аметод. Атекст аус адулара мҩаԥысуан заа ишьақәыргылаз, акырынтә изыхцәажәахьаз хәҭ-хәҭалатәи аплан инақәыршәаны. Ахҭыстәи аҭҵаарадырра-техникатәи фантастика иаҵанакуа асинтетикатә жанр ала русура хацыркны, аишьцәа Стругацкиаа иаарласны ииасит «ареалтә фантастика» аформала иӡбаз, зидеиатә ҵакы асиужет ҵары иаҵаҵәахыз асоциалтә зыԥхьагәаҭареи амодельҟаҵареи рышҟа. Урҭ рышәҟәқәа реиҳарак идгьылтәым даҿа хдыррак аҿы аконтакт аҟаҵареи, иарбан цивилизациа хкызаалак ԥсабаралатәи аеволиуциа аҽалагалара, мамзаргьы аҽаламгалара ахьынӡақәнагоу, ма иахьынӡаиашоу атәы зҳәо азҵаарақәа рыхәаԥшреи, аутопиа еиуеиԥшым аформақәа рыҭҵаареи ирызкын. Аишьцәа рырҿиараҿы ирацәаны аҭыԥ ааннакылоит ауаажәларра ридеологиатәра, мамзаргьы рдеидеологиатәра апроблема иадҳәалоу азҵаарақәа, иара убасгьы аҳәынҭқарраҿы акультура рольс иааннакыло иадҳәалоу апроблемақәа. 1960-тәи ашықәсқәа актәи рызбжазы аишьцәа Стругацкиаа иаԥырҵеит иаку афантастикатә метадунеи, еибыҳәарала, «Шьыбжьаанӡатәи адунеи» ҳәа зыхьӡҵоу. Уи аҟноуп иахьымҩаԥысуа жәабаҟа повест рҿы иаарԥшу ахҭысқәагьы. Урҭ иаԥырҵаз акоммунизм ахаҿсахьа аеволиуциатә ҿиара мҩаԥысуеит еиԥҟьарадатәи агеополитикатәи «агеокосмостәи» мпыҵахалара аганахь, асоциалтә хылаԥшра амеханизмқәагьы урҭ инарыцҵаны. Аутопиа еиуеиԥшым аформақәа рыҭҵаара («Ихароу Ацәаҟәа» инаркны) Стругацкиаа агәра днаргеит ауаатәыҩса хыԥхьаӡарала еиҟарам асоциалтә гәыԥқәа (страты) рыла рҽеиҩшара хырԥашьа шамам, арҭ агәыԥқәа рхаҭарнакцәа зегьы ишрылымшо, урҭ зегьы неилымхрада аԥхьаҟатәи аԥсҭазаара лашахь аиасра ишаԥсаны ишыҟам. Аишьцәа агәҭынчымра рызнарҵысуан ауаҩы иԥсабара шьаҭанкыла ареконструкциа азызуаз, атехникатә культура иаҿагылоу абиологиатә цивилизациа аԥҵара лҵшәас иаиуаз. 1980 шықәса инаркны Б. Н. Стругацки иашьеи иареи рырҿиаратә мҩа алибералтәреи адиссидентреи рхырхарҭала даҽакала ахәаԥшра, азхәыцра далагеит. ==Азхьарԥшқәа== * {{cite web|title=Коротко об авторах|url=http://www.rusf.ru/abs/ |website=Аркадий и Борис Стругацкие. Официальный сайт|publisher=[[Русская фантастика (асаит)|Русская фантастика]]|accessdate=2023-09-24}} * {{cite web|title=Собрание сочинений|url=http://www.rusf.ru/abs/books.htm |website=Аркадий и Борис Стругацкие. Официальный сайт|publisher=Русская фантастика|accessdate=2023-09-24}} * {{cite web|title=Библиография|url=http://www.rusf.ru/abs/biblgr.htm |website=Аркадий и Борис Стругацкие. Официальный сайт|publisher=Русская фантастика|accessdate=2023-09-24}} {{DEFAULTSORT:Стругацкиаа}} [[Акатегориа:Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа]] [[Акатегориа:Асовет шәҟәыҩҩцәа]]
Аркади Натан-иԥа (, Баҭым — , Москва),  Борис Натан-иԥа (, Ленинград —  , Санкт-Петербург)  Аишьцәа Стругацкиаа — аурыс советтә шәҟәыҩҩцәа, асценаристцәа, асоветтә аамҭазы зеиӷьыҟамыз, СССР анхыбгала ашьҭахьгьы акыр ирылаҵәаны иҟаз аҭҵаарадырреи асоциалтә фантастикеи ирызку арҿиамҭақәа иравторцәоуп. 1950-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжазы арратә еиҭагаҩ А. Н. Стругацки, ажурналист Л. Петрови, иара убас ашәҟәыҩҩы, аԥшыхәҩы Р. Кими ицырхырааны, икьыԥхьит адокументалтә повест «Бикини аццышә», уи ашьҭахь иаарласны редакторс аусура далагеит «Аҳәынҭлитҭыжьымҭа» аҿы. Пулковтәи аобсерваториаҿы аус зуаз Б. Н. Стругацкигьы иара убасҵәҟьа алитератураҟны ахцәыргара дашьҭан (амбициақәа иман); ишырҳәо ала, аишьцәа аицавторцәас аусуеицура хацдыркит еисаны. 1957-1959 шықәсқәа рзы Аркадии Бориси Стругацкиаа иаԥырҵеит аповест «Аҟаԥшьеиқәара ԥсҭҳәақәа ртәыла», иара убас акритикцәа иаразнак ала еицгәарҭаз акык-ҩбак ажәабжьқәагьы. 1964 шықәса инаркны Стругацкиаа СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ирыдыркылеит. Шықәсарацәалатәи ахԥышәарақәа рышьҭахь иаԥырҵеит еидтәаланы аидеиақәа рылацәажәара адагьы, фразацыԥхьаӡа ҿырҳәала аҳәара аметод. Атекст аус адулара мҩаԥысуан заа ишьақәыргылаз, акырынтә изыхцәажәахьаз хәҭ-хәҭалатәи аплан инақәыршәаны. Ахҭыстәи аҭҵаарадырра-техникатәи фантастика иаҵанакуа асинтетикатә жанр ала русура хацыркны, аишьцәа Стругацкиаа иаарласны ииасит «ареалтә фантастика» аформала иӡбаз, зидеиатә ҵакы асиужет ҵары иаҵаҵәахыз асоциалтә зыԥхьагәаҭареи амодельҟаҵареи рышҟа. Урҭ рышәҟәқәа реиҳарак идгьылтәым даҿа хдыррак аҿы аконтакт аҟаҵареи, иарбан цивилизациа хкызаалак ԥсабаралатәи аеволиуциа аҽалагалара, мамзаргьы аҽаламгалара ахьынӡақәнагоу, ма иахьынӡаиашоу атәы зҳәо азҵаарақәа рыхәаԥшреи, аутопиа еиуеиԥшым аформақәа рыҭҵаареи ирызкын. Аишьцәа рырҿиараҿы ирацәаны аҭыԥ ааннакылоит ауаажәларра ридеологиатәра, мамзаргьы рдеидеологиатәра апроблема иадҳәалоу азҵаарақәа, иара убасгьы аҳәынҭқарраҿы акультура рольс иааннакыло иадҳәалоу апроблемақәа. 1960-тәи ашықәсқәа актәи рызбжазы аишьцәа Стругацкиаа иаԥырҵеит иаку афантастикатә метадунеи, еибыҳәарала, «Шьыбжьаанӡатәи адунеи» ҳәа зыхьӡҵоу. Уи аҟноуп иахьымҩаԥысуа жәабаҟа повест рҿы иаарԥшу ахҭысқәагьы. Урҭ иаԥырҵаз акоммунизм ахаҿсахьа аеволиуциатә ҿиара мҩаԥысуеит еиԥҟьарадатәи агеополитикатәи «агеокосмостәи» мпыҵахалара аганахь, асоциалтә хылаԥшра амеханизмқәагьы урҭ инарыцҵаны. Аутопиа еиуеиԥшым аформақәа рыҭҵаара («Ихароу Ацәаҟәа» инаркны) Стругацкиаа агәра днаргеит ауаатәыҩса хыԥхьаӡарала еиҟарам асоциалтә гәыԥқәа (страты) рыла рҽеиҩшара хырԥашьа шамам, арҭ агәыԥқәа рхаҭарнакцәа зегьы ишрылымшо, урҭ зегьы неилымхрада аԥхьаҟатәи аԥсҭазаара лашахь аиасра ишаԥсаны ишыҟам. Аишьцәа агәҭынчымра рызнарҵысуан ауаҩы иԥсабара шьаҭанкыла ареконструкциа азызуаз, атехникатә культура иаҿагылоу абиологиатә цивилизациа аԥҵара лҵшәас иаиуаз. 1980 шықәса инаркны Б. Н. Стругацки иашьеи иареи рырҿиаратә мҩа алибералтәреи адиссидентреи рхырхарҭала даҽакала ахәаԥшра, азхәыцра далагеит. Азхьарԥшқәа Акатегориа:Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа Акатегориа:Асовет шәҟәыҩҩцәа
38076
https://ab.wikipedia.org/wiki/Убириа,_Бежан_Михаил-иԥа
Убириа, Бежан Михаил-иԥа
{{Акарточка аполитик|ахьӡ=Бежан Убириа}} '''Бежан Михаил-иԥа Убириа''' ({{lang-ru|Бежан Михайлович Убирия}}; * {{date|7|3|1967}}, [[Ҩада Барӷьаԥ]] ақыҭан) — [[Аԥсны]] арҵаҩы, [[Аԥсны Жәлар Реизара]] 4-тәи ааԥхьара адепутат. [[Акатегориа:1967 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Хәажәкырамза 7 рзы ииз]] [[Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа]] [[Акатегориа:Убириаа]]
Бежан Михаил-иԥа Убириа (; * , Ҩада Барӷьаԥ ақыҭан) — Аԥсны арҵаҩы, Аԥсны Жәлар Реизара 4-тәи ааԥхьара адепутат. Акатегориа:1967 шықәсазы ииз Акатегориа:Хәажәкырамза 7 рзы ииз Акатегориа:Аԥсны Жәлар реизара 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа Акатегориа:Убириаа
38081
https://ab.wikipedia.org/wiki/Аԥсуа_чыс
Аԥсуа чыс
[[Афаил:Adjika in a can.jpg|мини|[[Аџьыка]] - аԥсуаа жәытә-натә аахыс имырӡкәа иаарго рмилаҭтә чысхкуп.]] '''Аԥсуа чыс''', '''''Аԥсуаа рчыс''''' — аԥсуаа рыфатә аԥсабаратә цәырҵрақәеи асоциал-економикатә ҭагылазаашьақәеи рныррала ашәышықәсақәа рыҩныҵҟала ишьақәгылеит Аԥсуа чыс иаҷыдаҟазшьоуп лассы-лассы рхы иадырхәо еиуеиԥшым  аҟәыдхкқәа , иара убас  ацхыраагӡатә марҭхәқәа – аџьыка, асыӡбал, ахарҵәы, акәтаӷь, ауҭраҭых, ашәыр, араса. == Амилаҭтә фатәқәеи амарҭхәқәеи == Аԥсуаа рынхамҩаҟны еиҳарак рнапы  злаку  адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи ирыдҳәалоуп рыфатә аҟны лассы-лассы рхы иадырхәо арыцтәқәеи (арыц, аџьықәреи) ахшлыхи. Ажь , араса, акакан,  еуеиԥшым ауҭраҭыхқәа, ашәыр уҳәа, раарыхра алзыршо аԥсабаратә ҭагылазаашьа аԥсуаа рмилаҭтә чыс иахәҭакны иҟарҵеит. Аетнограф Евгени Шиллинг иҩуан : «Аԥсуаа рыфатә,  Аҩада-кавказтәи ажәларқәа рыфатә иадкыланы уахәаԥшуазар, даҽа ҟазшьак рымоуп. Уаҟа еиҳа ирацәоуп акәац, иара убас ахәша, араҟа (аԥсуаа ) рҟны еиҳарак иҟоуп ашәыр, акаканлых, аҩы, ахшлых,   рыфатә аџьыка цаҳәцаҳәуа иалҟьоит». Аҵиаатә аалыҵқәа еиҳа хархәара рымоуп аҟәыд, ахәыл, аҷархал, акапуста, иара убас абна ҵиаақәа (ахәыц, амарант, амкьындол, абадырбӷьы, абырҷман уҳәа уб.егь.), ахьа, акакан, аџьымшьы иаҵәа, аџыш, анаша, ацыца, ацыха. Лассы-лассы иара убас, анашеи, апомидори, ахәыли ирылхны иҟарҵоит арҵәы. Аԥсуаа ирчысхәуп аџьықәреи шыла иалху абысҭа, уи ашә алаҵаны аџьыка нақәҵаны аишәа иқәдыргылоит. Аҵиаа хәша ахархәара аиуа иалагеит 1930-1940-тәи ашықәсқәа рзы. Аԥсуаа акаканхәша афатә аныҟарҵо акырӡа рхы иадырхәоит. Аԥсыӡ маҷны ирфоит. Иара убас шамахамзар, рыфатә иалаӡам аҳәажьы, акәыкәбаа, адыӷаҷиа уҳәа. === Ачалых фатәқәа === Ачалых фатәқәа рахьтә ихадароу акакәны иԥхьаӡоуп – ''агәыхә'' (ашыла иалху) ''ацыфа'' (уи иадыркыло изакәызаалак акы). Ихадароу фатәуп ашыла иалху абысҭа, ҳазҭагылоу аамҭазы  уи аџьықәреи шыла иалырхуеит (ԥаса ашырӡ иалырхуан). Иара убри иалхны иҟарҵоит ачаџьқәа, ашә, акакан, ацха  агәылаҵаны. Абысҭа ашәаӡа алаҵаны аилаџь руеит, ачамықәа хшла ируеит, ашәаӡа алаҵаны, убас ашыла ала егьырҭ  афатәхкқәагьы рнапы иҵырхуеит. Аԥшаӡа акәзар, иржәуеит, мамзаргьы ирӡуеит. Ачашыла еиҳа имаҷны ахархәара амоуп аџьықәреи шыла аасҭа. Ачашыла иалхны иҟарҵоит ачашә, иара убас ачаҳаржә, ачаџь, мрагыларатәи ахаа-мыхаақәа. Ахшлых аԥсуаа рыкрыфараҿы аҭыԥ ду ааннакылоит. Еиҳа хархәара амоуп Аџьма, ажә, мамзаргьы акамбашь хшы иалхны идырҵәуа ахарҵәы, ахш ацха аҭаны иржәуеит, иара убас аӡы алаҭәангьы.  Ахш иалхны иҟарҵоит ашә – ашәеилаҵа ашәлагәан (сулугуни), ашәаӡа, ашәҷапан, ачаҩыр, ахаҷа, ахҷаҭ уҳәа убас егь. Ахш еиҳа рхы иадырхәоит амажәа аныркәаҳауа, насгьы ахәыҷқәа рхәы аныҟарҵо. === Акәацлых === Акәацлыхқәа рахьтә зегь реиҳа ихадароуп аҩны ԥсаатә иалху афатә, ҷыдала, акәты иалхны: акәты аҵәы иахаҵаны иӡны, акәты жәны, амгәа-чымгәа.  Зны-зынла ашәишәи ажьы рхы иадрхәоит. Акәата, аҟыз еиҳа имаҷны. Аџьма, ауаса, ажәжьы иалырхуа афатәқәа рацәоуп, урҭ лассы-лассы аҵәы иахаҵаны ирӡуан, еиуеиԥшым асыӡбалқәа, акаканрашых адкыланы ирфон, аҳәажьы, шамахамзар, аԥсуаа рчыс иалаӡам. Аԥсуаа рыкрыфараҿы акәац жәны еиҳа лассы-лассы иуԥылоит, иӡны аасҭа. Акәтыжьлых аԥсуаа еиҳа ирфоит аԥхын, аӡын еиҳарак ажәжьи аҳәажьи. === Асыӡбалқәеи  (соус) алаԥсақәеи === Аԥсуаа афатә аныҟарҵо акырӡа рхы иадырхәоит аџьыка -хылҵшьҭрала иаарго амилаҭтә чысхкқәа иреиуоу. Уи ус шакәу аҳәоит иара ажәа ахаҭа «А –џьыка» (аџьыка-хыш) аԥсуа бызшәаҟнытә иаауа, «Апарпыл-џьыка» (апарпыл-џьыка хыш) рҳәон аԥсуаа ԥаса аџьыка аҭыԥан. Аџьыка, еиуеиԥшым афатәқәа аныҟарҵо рхы иадырхәоит, иаҳҳәозар: асалаҭқәа, акәацлых, ахшлых иарҭоит, ашьынка иахьшьны ирфоит, иара убас еиуеиԥшым асыӡбал цақәа ирырҭоит – аҳәаса, абарбарис, амаахыр, амыҵмыџь, акәыхь, апомидор уҳәа, убас акакан рашыхгьы. Асыӡбал акәацлых иацҵаны иқәдыргылоит. Аԥсуаа аџьыкхыш анмаҷыз уи аџьыка ала ирыԥсахит. Аԥсуаа иҟарҵо афатәхкқәа зегьы алаԥсақәа арҭоит (урҭ раԥхьа идыргылоит (ахәысхәа) акәыландыр, аҵыбра, араҳана, акама, амакьындол уб.егь.). Уи аԥсуаа рмилаҭтә чыс даҽакы иаламҩашьо иҟазҵо ауп. Иара убас аԥсуаа рчыс аҟны акыр хархәара амоуп акакан. Акакан иалхны иҟарҵоит акаҷпеи ҳәа изышьҭоу акакан хәша. Акакан иалырхуеит аџьынџьыхәа (акакан ажьқалмышь иӡаашьны). == Аԥсуа чысхкқәа аҭоурыхтә документқәа рҿы иазкны == ===Иоанн де Голонифонтибус аԥсуаа рзы ирзииҩуаз=== Черқьесиа нырцә ишьҭоуп Аԥсны, абахәқәа рацәаны ахьыҟоу атәыла хәыҷ. Ирацәаны аԥстәқәеи 94 [18], аҩы бзиаӡеи уаҟа иҟоуп 95. Урҭ ачагьы ачарыцгьы ирфом, ахаангьы ирымамызт, анышәаԥшь ҭрақәа рҿы ахәыӡ(абысҭа) лага ржәуеит, абри ауп ача ацымхәрас ирфо 96. [[Акатегориа:Аԥсуа чыс| ]]
Аԥсуа чыс, Аԥсуаа рчыс — аԥсуаа рыфатә аԥсабаратә цәырҵрақәеи асоциал-економикатә ҭагылазаашьақәеи рныррала ашәышықәсақәа рыҩныҵҟала ишьақәгылеит Аԥсуа чыс иаҷыдаҟазшьоуп лассы-лассы рхы иадырхәо еиуеиԥшым  аҟәыдхкқәа , иара убас  ацхыраагӡатә марҭхәқәа – аџьыка, асыӡбал, ахарҵәы, акәтаӷь, ауҭраҭых, ашәыр, араса. Амилаҭтә фатәқәеи амарҭхәқәеи Аԥсуаа рынхамҩаҟны еиҳарак рнапы  злаку  адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи ирыдҳәалоуп рыфатә аҟны лассы-лассы рхы иадырхәо арыцтәқәеи (арыц, аџьықәреи) ахшлыхи. Ажь , араса, акакан,  еуеиԥшым ауҭраҭыхқәа, ашәыр уҳәа, раарыхра алзыршо аԥсабаратә ҭагылазаашьа аԥсуаа рмилаҭтә чыс иахәҭакны иҟарҵеит. Аетнограф Евгени Шиллинг иҩуан : «Аԥсуаа рыфатә,  Аҩада-кавказтәи ажәларқәа рыфатә иадкыланы уахәаԥшуазар, даҽа ҟазшьак рымоуп. Уаҟа еиҳа ирацәоуп акәац, иара убас ахәша, араҟа (аԥсуаа ) рҟны еиҳарак иҟоуп ашәыр, акаканлых, аҩы, ахшлых,   рыфатә аџьыка цаҳәцаҳәуа иалҟьоит». Аҵиаатә аалыҵқәа еиҳа хархәара рымоуп аҟәыд, ахәыл, аҷархал, акапуста, иара убас абна ҵиаақәа (ахәыц, амарант, амкьындол, абадырбӷьы, абырҷман уҳәа уб.егь.), ахьа, акакан, аџьымшьы иаҵәа, аџыш, анаша, ацыца, ацыха. Лассы-лассы иара убас, анашеи, апомидори, ахәыли ирылхны иҟарҵоит арҵәы. Аԥсуаа ирчысхәуп аџьықәреи шыла иалху абысҭа, уи ашә алаҵаны аџьыка нақәҵаны аишәа иқәдыргылоит. Аҵиаа хәша ахархәара аиуа иалагеит 1930-1940-тәи ашықәсқәа рзы. Аԥсуаа акаканхәша афатә аныҟарҵо акырӡа рхы иадырхәоит. Аԥсыӡ маҷны ирфоит. Иара убас шамахамзар, рыфатә иалаӡам аҳәажьы, акәыкәбаа, адыӷаҷиа уҳәа. Ачалых фатәқәа Ачалых фатәқәа рахьтә ихадароу акакәны иԥхьаӡоуп – агәыхә (ашыла иалху) ацыфа (уи иадыркыло изакәызаалак акы). Ихадароу фатәуп ашыла иалху абысҭа, ҳазҭагылоу аамҭазы  уи аџьықәреи шыла иалырхуеит (ԥаса ашырӡ иалырхуан). Иара убри иалхны иҟарҵоит ачаџьқәа, ашә, акакан, ацха  агәылаҵаны. Абысҭа ашәаӡа алаҵаны аилаџь руеит, ачамықәа хшла ируеит, ашәаӡа алаҵаны, убас ашыла ала егьырҭ  афатәхкқәагьы рнапы иҵырхуеит. Аԥшаӡа акәзар, иржәуеит, мамзаргьы ирӡуеит. Ачашыла еиҳа имаҷны ахархәара амоуп аџьықәреи шыла аасҭа. Ачашыла иалхны иҟарҵоит ачашә, иара убас ачаҳаржә, ачаџь, мрагыларатәи ахаа-мыхаақәа. Ахшлых аԥсуаа рыкрыфараҿы аҭыԥ ду ааннакылоит. Еиҳа хархәара амоуп Аџьма, ажә, мамзаргьы акамбашь хшы иалхны идырҵәуа ахарҵәы, ахш ацха аҭаны иржәуеит, иара убас аӡы алаҭәангьы.  Ахш иалхны иҟарҵоит ашә – ашәеилаҵа ашәлагәан (сулугуни), ашәаӡа, ашәҷапан, ачаҩыр, ахаҷа, ахҷаҭ уҳәа убас егь. Ахш еиҳа рхы иадырхәоит амажәа аныркәаҳауа, насгьы ахәыҷқәа рхәы аныҟарҵо. Акәацлых Акәацлыхқәа рахьтә зегь реиҳа ихадароуп аҩны ԥсаатә иалху афатә, ҷыдала, акәты иалхны: акәты аҵәы иахаҵаны иӡны, акәты жәны, амгәа-чымгәа.  Зны-зынла ашәишәи ажьы рхы иадрхәоит. Акәата, аҟыз еиҳа имаҷны. Аџьма, ауаса, ажәжьы иалырхуа афатәқәа рацәоуп, урҭ лассы-лассы аҵәы иахаҵаны ирӡуан, еиуеиԥшым асыӡбалқәа, акаканрашых адкыланы ирфон, аҳәажьы, шамахамзар, аԥсуаа рчыс иалаӡам. Аԥсуаа рыкрыфараҿы акәац жәны еиҳа лассы-лассы иуԥылоит, иӡны аасҭа. Акәтыжьлых аԥсуаа еиҳа ирфоит аԥхын, аӡын еиҳарак ажәжьи аҳәажьи. Асыӡбалқәеи  (соус) алаԥсақәеи Аԥсуаа афатә аныҟарҵо акырӡа рхы иадырхәоит аџьыка -хылҵшьҭрала иаарго амилаҭтә чысхкқәа иреиуоу. Уи ус шакәу аҳәоит иара ажәа ахаҭа «А –џьыка» (аџьыка-хыш) аԥсуа бызшәаҟнытә иаауа, «Апарпыл-џьыка» (апарпыл-џьыка хыш) рҳәон аԥсуаа ԥаса аџьыка аҭыԥан. Аџьыка, еиуеиԥшым афатәқәа аныҟарҵо рхы иадырхәоит, иаҳҳәозар: асалаҭқәа, акәацлых, ахшлых иарҭоит, ашьынка иахьшьны ирфоит, иара убас еиуеиԥшым асыӡбал цақәа ирырҭоит – аҳәаса, абарбарис, амаахыр, амыҵмыџь, акәыхь, апомидор уҳәа, убас акакан рашыхгьы. Асыӡбал акәацлых иацҵаны иқәдыргылоит. Аԥсуаа аџьыкхыш анмаҷыз уи аџьыка ала ирыԥсахит. Аԥсуаа иҟарҵо афатәхкқәа зегьы алаԥсақәа арҭоит (урҭ раԥхьа идыргылоит (ахәысхәа) акәыландыр, аҵыбра, араҳана, акама, амакьындол уб.егь.). Уи аԥсуаа рмилаҭтә чыс даҽакы иаламҩашьо иҟазҵо ауп. Иара убас аԥсуаа рчыс аҟны акыр хархәара амоуп акакан. Акакан иалхны иҟарҵоит акаҷпеи ҳәа изышьҭоу акакан хәша. Акакан иалырхуеит аџьынџьыхәа (акакан ажьқалмышь иӡаашьны). Аԥсуа чысхкқәа аҭоурыхтә документқәа рҿы иазкны Иоанн де Голонифонтибус аԥсуаа рзы ирзииҩуаз Черқьесиа нырцә ишьҭоуп Аԥсны, абахәқәа рацәаны ахьыҟоу атәыла хәыҷ. Ирацәаны аԥстәқәеи 94 [18], аҩы бзиаӡеи уаҟа иҟоуп 95. Урҭ ачагьы ачарыцгьы ирфом, ахаангьы ирымамызт, анышәаԥшь ҭрақәа рҿы ахәыӡ(абысҭа) лага ржәуеит, абри ауп ача ацымхәрас ирфо 96.
38083
https://ab.wikipedia.org/wiki/Ҳаџьымба_(аҵакырацәара)
Ҳаџьымба (аҵакырацәара)
{{Аҵакырацәа|Ҳаџьымба}} * [[Хаџьымба, Баҭал Уасил-иԥа]] * [[Аҩыӡба, Валери Алеқсандр-иԥа]], акомпаниа “Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи” ахада ихаҭыԥуаҩ * [[Хаџьымба, Зоиа Мкан-иԥха]], Аҳәынҭстатистика Аусбарҭа аиҳабы * [[Хаџьымба, Лаура Андреи-иԥха]] * [[Хаџьымба, Лев Сергеи-иԥа]], Аԥсны Жәлар Реизара адепутат * [[Хаџьымба, Владислав Григори-иԥа]] * [[Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа]] * [[Хаџьымба, Григори Шаго-иԥа]] * [[Хаџьымба, Мария Кукун-иԥҳа]] * [[Хаџьымба, Леонид Басят-иԥа]] * [[Хаџьымба, Сергеи Константин-иԥа]] * [[Хаџьымба, Салыбеи Зосим-иԥа]] * [[Хаџьымба, Иури Константин-иԥа]] * [[Хаџьымба, Заур Джото-иԥа]] * [[Хаџьымба, Геннади Леонтиев-иԥа]] * [[Хаџьымба, Павел Харитон-иԥа]] * [[Хаџьымба, Ҭаифун Наимов-иԥа]] * [[Хаџьымба, Джемалетдин Осман-иԥа]] * [[Хаџьымба, Адгәыр Амиран-иԥа]] * [[Хаџьымба, Инал Бату-иԥа]] * [[Хаџьымба, Дмитрии Григор-иԥа]] * [[Хаџьымба, Алмасхан Зураб-иԥа]] [[Акатегориа:Ҳаџьымаа| ]]
Хаџьымба, Баҭал Уасил-иԥа Аҩыӡба, Валери Алеқсандр-иԥа, акомпаниа “Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи” ахада ихаҭыԥуаҩ Хаџьымба, Зоиа Мкан-иԥха, Аҳәынҭстатистика Аусбарҭа аиҳабы Хаџьымба, Лаура Андреи-иԥха Хаџьымба, Лев Сергеи-иԥа, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Хаџьымба, Владислав Григори-иԥа Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа Хаџьымба, Григори Шаго-иԥа Хаџьымба, Мария Кукун-иԥҳа Хаџьымба, Леонид Басят-иԥа Хаџьымба, Сергеи Константин-иԥа Хаџьымба, Салыбеи Зосим-иԥа Хаџьымба, Иури Константин-иԥа Хаџьымба, Заур Джото-иԥа Хаџьымба, Геннади Леонтиев-иԥа Хаџьымба, Павел Харитон-иԥа Хаџьымба, Ҭаифун Наимов-иԥа Хаџьымба, Джемалетдин Осман-иԥа Хаџьымба, Адгәыр Амиран-иԥа Хаџьымба, Инал Бату-иԥа Хаџьымба, Дмитрии Григор-иԥа Хаџьымба, Алмасхан Зураб-иԥа